Ефесаа рахь
6 Ахәыҷқәа, шәҭаацәа Иҳақәиҭу ишиҭаху еиԥш рҳәатәы хашәҵала, избанзар уи иашоуп. 2 «Уани уаби ҳаҭыр рықәҵала» — ари ақәыргәыӷра зцу раԥхьатәи ԥҟароуп. Уи ақәыргәыӷра абас аҳәоит: 3 «Аԥсҭазаара бзиа уоурц, насгьы адгьыл аҿы акыршықәса нуҵырц азы». 4 Абацәа, шәхәыҷқәа ргәы ԥышәымжәалан, уи аҭыԥан Иегова* ишиҭаху еиԥш шәрылабжьо, ахшыҩ дырҵо ишәааӡала.
5 Амаҵуцәа, Христос иҳәатәы шәшықәныҟәо еиԥш, шәыԥшәмацәа гәыкала ҳаҭыр рықәҵо, ирҳәо ҟашәҵала. 6 Ауаа ргәы ҟаҳҵандаз ҳәа акәымкәа, шәанырымбогьы ирҳәо ҟашәҵала, гәык-ԥсыкала Анцәа ииҭаху ҟазҵо Христос имаҵуцәа реиԥш шәыԥшәмацәа гәык-ԥсыкала шәырзыӡырҩла. 7 Дара рзы иҟашәҵо ауаа рзы акәымкәа, Иегова изы иҟашәҵошәа гәыкала рымаҵ жәула. 8 Ишыжәдыруа еиԥш, Иегова дасу иҟаиҵо аус бзиақәа рзы дизылԥхоит, уи дмаҵуҩызаргьы, ихы дақәиҭызаргьы. 9 Шәаргьы, аԥшәмацәа, шәмаҵуцәа убасҵәҟьа шәырзыҟаз, ишәмыршәалан, шәырмықәмақарлан, избанзар ижәдыруеит даргьы шәаргьы ажәҩан аҿы аԥшәма дышшәымоу, насгьы уи ауаа шеилимхуа.
10 Аҵыхәтәан ишәасҳәоит, анаҩсгьы Иҳақәиҭу илеи имч ӷәӷәа алеи шәыҽшәырӷәӷәала. 11 Анцәа бџьармаҭәас ишәиҭо зегь шәшәышәҵа, Аџьныш ишьацҳәақәа шәырҿамшәарц азы. 12 Избанзар ҳара ҳазҿагыланы ҳақәԥо ауаа* ракәӡам, ҳазҿагыланы ҳақәԥо аҳәынҭқаррақәеи, амчрақәеи, алашьцара зхаԥаны иҟоу адунеи анапхгаҩцәеи, ажәҩан аҿы иҟоу адоуҳа цәгьақәеи роуп. 13 Убри аҟынтә Анцәа бџьармаҭәас ишәиҭо зегь шәшәышәҵа, аӷа даншәықәло амш аҽны шәиҿагыларц азы. Зегь рыла шәҽырхианы шәҟалар, аиааира жәгоит.
14 Убасала, шәаӷа шәиҿагыларц азы аҵабырг амаҟа шәымӷашәҵа, аиашара агәышԥыхьчага шәшәышәҵа, 15 аҭынчра иазку ажәабжь бзиа аҳәара шәазхиазарц азы аимаа шәышьашәҵа, 16 иара убас ахаҵара аԥырак ду шьҭышәх, Аҩсҭаа* идәықәиҵо амца зку ахыцқәа шәырцәарц азы. 17 Уи адагьы, аиқәырхагатә хыхьчага шәхы иахашәҵа, иара убасгьы ишьҭышәх иԥшьоу адоуҳа аҳәа, даҽакала иуҳәозар, Анцәа иажәа. 18 Алшара шаашәоулак, адоуҳа ишшәыҵанаҳәо еиԥш Анцәа шәиҳәала, шәӷьаҵәыӷьаҵәуагьы шәиҳәала. Уи шәхашәмыршҭларц азы еснагь шәхы шәацклаԥшла, есымша иԥшьоу зегьы рзы гәык-ԥсыкала Анцәа шәиҳәала. 19 Сара сызгьы Анцәа шәиҳәала, санцәажәало Анцәа иахәҭоу ажәақәа сҿаиршәарц, насгьы сымшәаӡакәа ауаа ажәабжь бзиа иаҵоу иԥшьоу амаӡа рзеиҭасҳәаларц. 20 Уи ажәабжь сҳәаларц азоуп Анцәа цҳаражәҳәаҩыс сзыҟаиҵаз, уи ажәабжь азоуп зынџьырлагьы* сызҿаҳәоу. Анцәа шәиҳәала, ишсыхәҭоу еиԥш, сымшәа-смырҳа уи ажәабжь аҳәара сылшарц азы.
21 Егьыс, сусқәа шцо, сызҿу атәы бзиа иаҳбо, гәык-ԥсыкала Иҳақәиҭу имаҵ зуа ҳашьа Ти́хик ишәзеиҭеиҳәоит. 22 Сара уи дышәзынасышьҭуеит, ҳусқәа шцо шәзеиҭеиҳәарц, шәыгәгьы шьҭихырц азы.
23 Аишьцәа Ҳаб Ҳанцәеи Иҳақәиҭу Иисус Христоси иҳарҭо аҭынчреи ахаҵара зцу абзиабареи рыгымзааит. 24 Иҳақәиҭу Иисус Христос наӡаӡатәи бзиабарала бзиа дызбо зегьы Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара рыгымзааит.