Римаа рахь
2 Узусҭазаалакгьы, егьырҭ рықәыӡбара азин умам. Егьырҭ уанрықәыӡбо, ухгьы уақәыӡбоит, избанзар дара иҟарҵо ауп уаргьы иҟауҵо. 2 Ҳара иаҳдыруеит, ус ҟазҵо Анцәа иашарала дышрықәыӡбо.
3 Ауаа урықәыӡбозар, арахь ухаҭа дара реиԥш ухы мҩаԥугозар, Анцәа дуқәыӡбаӡом ҳәа угәы иаанагома? 4 Мамзаргьы Анцәа гәыҭбаарала иааирԥшуа ақьиареи ачҳареи атәоумбоу? Уи зааирԥшуа аҽыриашара дуцхраарц азы шакәу узеилымкааӡои? 5 Аҽыриашареи ахьхәреи угәгьы иахьҭам азы, Анцәа игәыԥжәара анааирԥшуа аӡбара амш аҽны хымԥада уахьирхәуеит. 6 Усҟан иара дасу ишиқәнагоу еиԥш иус иӡбоит. 7 Абзиара аҟаҵара иаҿу наӡаӡатәи аԥсҭазаара риҭоит. Ус ҟазҵо ауаа хьӡи-ԥшеи, аҳаҭыри, ԥсра зқәым аԥсҭазаареи риура иашьҭоуп. 8 Аимак-аиҿак бзиа избо, Анцәа иаҳзааиртуа аҵабырг ала инымхо, игәыԥжәара рхигоит. 9 Ацәгьара ҟазҵо, дауриазаргьы, дбырзензаргьы, арыцҳара дақәшәоит. 10 Абзиара ҟазҵо хьӡи-ԥшеи, аҳаҭыри, аҭынчреи роуеит — раԥхьа ауриацәа, нас абырзенцәа, 11 избанзар Анцәа ауаа еилихӡом.
12 Азакәан ззымдырӡакәа агәнаҳа ҟазҵоз, рус закәанда иӡбахоит, азакәан ззымдыруаз реиԥшгьы иԥсуеит. Аха азакәан дырны агәнаҳа ҟазҵоз, рус азакәан инақәыршәаны иӡбахоит. 13 Анцәа уаа иашақәаны ииԥхьаӡо азакәан иазыӡырҩуа ракәӡам, иназыгӡо роуп. 14 Иауриам ауаҩы азакәан иаҳәо изымдырӡакәа ианынаигӡо, азакәан игәы ишҭоу ааирԥшуеит. 15 Уи азакәан игәы ишҭоу иламысгьы ишьақәнарӷәӷәоит. Иламыс ма иқәыӡбоит, ма игәы арҭынчра иалагоит. 16 Ишәыласырҵәо ажәабжь бзиа излаҳәо ала, уи ҟалоит Анцәа Христос Иисус ила ауаа маӡала изҿу русқәеи рыгәҭакқәеи данрықәыӡбо амш аҽны.
17 Сара сауриоуп, азакәан сымоуп ҳәа уҳәоит, Анцәа ижәлар уахьрыхәҭакугьы уахыҽхәоит. 18 Анцәа ииҭаху удыруеит. Азакәан иану удырҵеит азы, зегь раасҭа ихадоу еилукааит. 19 Илашәу амҩа иқәҵареи алашьцара иҵоу амҩа ирбареи шулшо агәра ганы уҟоуп. 20 Агәра ганы уҟоуп, аилкаара змам ахшыҩ дырҵареи ахәыҷқәа аҵара дырҵареи шулшо, избанзар аилкаареи адырреи умоуп, азакәан иану ихадоу аҵабыргқәа удыруеит. 21 Ауаа аҵара андурҵо, ухаҭа аҵара зумҵои? Шәымӷьычлан ҳәа роуҳәоит, арахь ухаҭа уӷьычуеит. 22 Ауаа шәхатә ҩыза дшәымԥсахын ҳәа роуҳәоит, арахь ухаҭа ухатә ҩыза дуԥсахуеит. Амцнцәахәқәа сцәымӷуп ҳәа уҳәоит, арахь ухаҭа аныҳәарҭақәа урҳәуеит. 23 Анцәа изакәан здыруеит ҳәа уҽхәоит, арахь уи еилоугоит, убри алагьы Анцәа ихьӡ лаурҟәуеит. 24 Аҩыраҿы ишану еиԥш, «шәара шәымшала ажәларқәа Анцәа ихьӡ иакәым ала иахцәажәоит».
25 Аԥхьатәхсара аҵакы анамоу азакәан анынаугӡо ауп, аха азакәан еилоугозар, уи аҵакы ацәыӡуеит. 26 Заԥхьатә хсам азакәан иану наигӡозар, Анцәа уи заԥхьатә хсоу иеиԥш димԥхьаӡаӡои? 27 Уара азакәан шудыруагьы, уаԥхьатә шыхсоугьы, азакәан еилоугоит. Заԥхьатә хсам азакәан наигӡоит, убри алагьы дуқәыӡбоит. 28 Иауриаҵәҟьоу* ауриацәа иреиԥшу иакәӡам. Ииашаҵәҟьоу аԥхьатәхсарагьы ззыҟаҵоу ауаҩы ицәеижь акәӡам. 29 Гәыла-ԥсыла иауриоу иоуп иауриаҵәҟьоу, ихсоугьы — игәоуп. Уи хызсаз Моисеи изакәан акәӡам, иԥшьоу адоуҳа ауп. Ус еиԥш иҟоу ауаҩы дзырҽхәо ауаа ракәӡам, Анцәа иоуп.