Римаа рахь
3 Ауриацәа егьырҭ излареиӷьузеи? Аԥхьатәхсарагьы хәарҭас иалоузеи? 2 Излареиӷьу рацәоуп. Зегь раԥхьаӡа иргыланы Анцәа иԥшьоу иажәа ззааиртыз ауриацәа роуп. 3 Аха урҭ рахьтә шьоукы ахаҵара аадмырԥшызар, Анцәа игәра агара уаҳа иаԥсаӡам ҳәа ҳазҳәома? 4 Мап, иҳазҳәаӡом! Ауаа зегь мыцҳәаҩцәахаргьы, Анцәа дышиашоу даанхоит. Аҩыраҿгьы уиоуп иану: «Уара иуҳәо иашоуп. Уус анырыӡбогьы, уара уаиааиуеит». 5 Иҟаҳҵо аус цәгьақәа Анцәа дышиашоу еиҳагьы ишьақәдырӷәӷәозар, кыр ҳазҳәома? Игәы анаҳзыԥжәо, ииашамкәа дҳазныҟәоит ҳәа ҳазҳәома? (Шьоук шхәыцуа ауп ишысҳәо.) 6 Иҳазҳәаӡом! Анцәа диашамзар, адунеи дызлақәыӡбои?
7 Шьоукы ус рҳәоит: «Исҳәаз амц Анцәа дышиашоу шьақәнарӷәӷәозар, хьӡи-ԥшеи изаанагозар, Анцәа гәнаҳаҟаҵаҩыс сзиԥхьаӡои?» 8 Ус акәзар, изаҳамҳәарызеи: «Абзиара алҵырц азы ацәгьара ҟаҳҵалап»? Шьоукы убас ҳҳәозшәа ҳзырҳәоит. Ус ҳзызҳәо ауаа ирықәнагаҵәҟьоу иақәшәоит.
9 Ҳара, иауриоу, ҳҭагылазаашьа еиҳа еиӷьума? Ҳәарада, мап! Ишаҳҳәахьоу еиԥш, ауриацәагьы абырзенцәагьы агәнаҳа иаҵоуп. 10 Аҩыраҿы иануп: «Ииашоу ҳәа аӡәымзар-аӡәгьы дыҟам. 11 Аилкаара змоу ҳәагьы аӡәгьы дыҟам. Аӡәымзар-аӡәгьы Анцәа дишьҭам. 12 Зегьы даанрыжьит, акы иаԥсамкәа иҟалеит. Ақьиара аазырԥшуа ҳәа уаҩ дыҟам, аӡәымзар-аӡә дыҟам». 13 «Рҿы иаарту адамра иаҩызоуп. Рыбз амц аҳәоит». «Рҿы иҭыҵуа ажәақәа амаҭ ашҳам иаҩызоуп». 14 «Ашҳам злоу ажәақәеи ашәии роуп рҿы иҭыҵуа». 15 «Ауаҩы ишьра иашьҭоуп». 16 «Цәгьарамзар бзиарак ҟарҵом, ауаа дыргәаҟуеит. 17 Аҭынчрахь уназго амҩа рыздырӡом». 18 «Анцәа иҿаԥхьа шәарак рымам».
19 Ҳара иаҳдыруеит азакәан иану зегьы уи анагӡара зыхәҭоу рзы ишану. Уи зыҟоу ауаа ирҳәаша рмоурц, насгьы адунеи иқәынхо зегьы Анцәа иҿаԥхьа ахара шрыду, ахьырхәрагьы ишаԥсоу убарҭахарц азоуп. 20 Убри аҟынтә ауаҩы азакәан иану аԥҟарақәа наигӡоит ҳәа Анцәа иҿаԥхьа дуаҩ иашаны дзыҟалом, избанзар азакәан еиҳагьы еиӷьны иҳаилнаркаауеит агәнаҳа закәу.
21 Аха уажәшьҭа ҳара еилаҳкааит азакәан наҳмыгӡозаргьы, Анцәа иҿаԥхьа ҳуаа иашақәаны ҳаԥхьаӡахар шалшо, Моисеи изакәани аԥааимбарцәеи ишырҳәоз еиԥш. 22 Иисус Христос иахь ахаҵара аазырԥшуа дызусҭазаалакгьы, Анцәа иҿаԥхьа дуаҩ иашаны дыԥхьаӡахар алшоит, избанзар Анцәа ауаа еилихӡом. 23 Ауаа зегь агәнаҳа иаҵоуп азы, зеиԥшыҟам Анцәа иҟазшьақәа инагӡаны ирзаарԥшӡом. 24 Аха Анцәа урҭ уаа иашақәаны иԥхьаӡоит, избанзар Христос урҭ агәнаҳа аҟынтә иҿихырц азы ахә ишәеит. Анцәа дара рахь изыԥсам ақьиара аарԥшны, убри аҩыза аҳамҭа рзыҟаиҵеит. 25 Анцәа Иисус кәырбанс дааигеит, уи икеиҭәаз ашьа агәра згои Анцәеи еинышәарц азы. Иара уи ҟаиҵеит, ажәытәан ачҳара аарԥшны ауаа иҟарҵоз агәнаҳақәа анранаижьуаз, ииашаны ишыҟаиҵоз ҳирбарц азы, 26 иахьагьы Иисус игәра зго дуаҩ иашаны даниԥхьаӡо, дышиашоу ҳирбарц азы.
27 Аусқәа хадоуп ҳәа зҳәо азакәан ауаҩы дыҽхәо дҟанаҵар алшоит. Нас, ҳазхыҽхәаша ҳәа кыр ҳамоума? Акымзар акгьы ҳамаӡам. Ахаҵара азакәан иаҳнарбеит аӡәымзар-аӡәгьы аҽхәаразы амзыз шимам. 28 Анцәа аӡәы дуаҩ иашаны дзиԥхьаӡо ахаҵара ахьааирԥшуа азоуп, азакәан иаҳәо ахьынаигӡо азы акәӡам. 29 Иара ауриацәа рымацара роума Дзынцәоу? Ажәларқәа зегь Рынцәа иакәӡами? Ааи, ажәларқәа зегь Рынцәа иоуп. 30 Нцәас иҟоу аӡәызаҵәык иоуп, убри аҟынтә иара заԥхьатә хсоугьы-ихсамгьы уаа иашақәаны иԥхьаӡоит, ахаҵара ахьаадырԥшуа азы. 31 Нас, ахаҵара ааҳарԥшуазар, азакәан акгьы иаԥсаӡам ҳәа ҳҳәома? Мап! Уи шхадоу еиҳагьы ишьақәҳарӷәӷәоит.