Аатра
17 Быжь-гәыблаак зкыз быжьҩык амаалықьцәа руаӡәк дааин, ус сеиҳәеит: «Сара аӡқәа ирықәтәоу, зегь еицырдыруа акаҳԥы илзыруа усырбоит. 2 Адгьыл аҳцәа уи илыцныҟәон*, адунеи иқәынхо ауаа лкаҳԥра* аҩы еиԥш иашьуан».
3 Иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала уи ацәҳәырахь сигеит. Уа дызбеит иҟаԥшьы-уаркалеиуаз агыгшәыг иақәтәаз аԥҳәыс. Уи агыгшәыг ахы инаркны ашьапаҟынӡа Анцәа ихьӡ зырцәгьоз ахьӡқәа анын, насгьы быжь-хыки жәа-тәыҩаки ахагылан. 4 Лара апурпурԥштәы змаз маҭәалеи иҟаԥшьы-уаркалеиуаз маҭәалеи деилаҳәан, хьылеи, зыхә ҳараку хаҳәлеи, бырлашлеи деибыҭан, ахьы иалхыз аҵәца лкын, уи аус хәымгақәеи лкаҳԥра* иахылҿиааз аус ҟьашьқәеи рыла иҭәын. 5 Лылахь абас еиԥш иҟаз ахьӡ анын: «Вавилон Ду, акаҳԥцәеи аус ҟьашьқәеи ран». Аха уи ахьӡ иаанагоз маӡан. 6 Сара избеит уи аԥҳәыс иԥшьоу ауааи Иисус ишаҳаҭцәеи ршьа дашьны дшыҟаз.
Данызба, схәы-сжьы еилагылеит. 7 Аха амаалықь ус сеиҳәеит: «Иубаз зџьоушьеи? Сара иузеиҭасҳәоит уи аԥҳәыс илызку амаӡеи дзықәтәоу быжь-хыки жәа-тәыҩаки зхагылоу агыгшәыг амаӡеи: 8 иубаз агыгшәыг ыҟан, нас ибжьаӡит, аха иаарласны атымитыша иҭыҵраны иҟоуп, нас иҭархахоит. Адгьыл иқәынхо ауаа — адунеи анышьақәыргылаз инаркны* зыхьӡ аԥсҭазаара ашәҟәы ианырымҵо — иџьаршьоит агыгшәыг зны ишыҟаз, нас ишыбжьаӡыз, аха еиҭах ишцәырҵыз анырбо.
9 Ари аилкааразы аҟәыӷара аҭахуп: быжь-хык — аԥҳәыс дзықәтәоу быжь-шьхак роуп. 10 Иара убас урҭ быжьҩык аҳцәа аадырԥшуеит: хәҩык ықәӡаахьеит, аӡәы дыҟоуп, аҵыхәтәантәи макьана дмааиӡацт, аха данааилак, рацәак дынхаӡом. 11 Зны иҟаз, аха нас ибжьаӡыз агыгшәыг иара убас аабатәи аҳ даанарԥшуеит, уи анҭ быжьҩык дырхылҵит, аха нас дықәгахоит.
12 Иубаз жәа-тәыҩак жәаҩык аҳцәа аанарԥшуеит, урҭ макьана аҳра иахамгылаӡацт, аха аҳцәа рымчра роуеит, агыгшәыги дареи сааҭк аҳра еицыруларц азы. 13 Дара хықәкык ауп ирымоу азы, рымчи рымчреи агыгшәыг иарҭоит. 14 Дара Асыс иабашьуеит, аха уи анапхгаҩцәа ирнапхгаҩуп, аҳцәа ираҳуп азы, урҭ ириааиуеит. Иара убас уи иацаиааиуеит Анцәа иааиԥхьаз, иалихыз, насгьы гәык-ԥсыкала имаҵ зуа».
15 Нас амаалықь ус сеиҳәеит: «Акаҳԥы дзықәтәоу аӡқәа бызшәа рацәала ицәажәо ауааи, ажәларқәеи, амилаҭқәеи роуп. 16 Иубаз жәа-тәыҩаки агыгшәыги акаҳԥы дырцәымӷхоит, дыхдырҵәоит, дыцәҳәы-ҟьантазӡа дынрыжьуеит, лжьы рфоит, нас амца далажьны дырбылуеит, 17 избанзар Анцәа урҭ игәҭакы нарыгӡарц ргәаирԥхеит, урҭ* еицырзеиԥшу рыгәҭакы: Анцәа иажәақәа наӡаанӡа раҳра агыгшәыг иарҭарц. 18 Иубаз аԥҳәыс адгьыл аҳцәа ирхагылоу ақалақь ду аалырԥшуеит».