Марк иҟынтә ажәабжь бзиа
5 Уи ашьҭахь Иисус иҵаҩцәеи иареи анышь иақәтәаны, нырцәтәи аган аҿы ишьҭаз герасаа рҳаблахь инеит. 2 Анышь дшаақәҵыз еиԥшҵәҟьа, анышәынҭрақәа рҟынтә адемон* дызхаԥаны иҟаз хаҵак диԥылеит. 3 Иара анышәынҭрақәа рҟны акәын дахьынхоз. Уи аӡәгьы дизҿаҳәомызт, зынџьырлаҵәҟьагьы* дырзынкыломызт. 4 Акырынтә зынџьырла дҿарҳәахьан, аха иԥиҵәҵәон, днызкылоз ҳәагьы уаҩ дыҟамызт. 5 Дааҟәымҵӡакәа уахгьы-ҽынгьы дхәаауа ахәқәа дрықәын, адамрақәа дрылан, хаҳәлагьы ихы ипҟон. 6 Уи ахаҵа харантәи Иисус даниба, дыҩны днеин, диеихырхәеит. 7 Нас ибжьы ҭыганы абас иҳәеит: «Иуҭахузеи сара сҟынтә, Хыхь иҟоу Анцәа Ду Иԥа, Иисус? Анцәа иҿаԥхьа ажәа сыҭ сшумыргәаҟуа». 8 Иара ус иҳәеит, избанзар Иисус уи ус иеиҳәон: «Адемон*, уилҵ ари ауаҩ». 9 «Иухьӡуи?» — ҳәа диазҵааит Иисус уи. — «Легион сыхьӡуп, избанзар ҳрацәаҩуп», — иҳәеит егьи. 10 Иара Иисус диҳәон адемонцәа уи аҭыԥ аҟынтә иԥхеимҵарц.
11 Уа, ахәаҿы, гәарҭак аҳәақәа ықәын. 12 Адемонцәа Иисус ус иҳәо иалагеит: «Абанҭ аҳәақәа ҳархаларц азин ҳаҭ!» 13 Иаргьы азин риҭеит. Адемонцәагьы* уи ауаҩ ихыҵын, аҳәақәа ирхалеит. Усҟан аҳәақәа зегьы аҿҟьарсҭа аҟынтә иԥан, амшын рҽаларыжьын, аӡы иагеит. Рхыԥхьаӡара 2 000 раҟара ыҟан. 14 Аҳәақәа ирхылаԥшуаз еибарыҩны ицан, ақалақьи уи ааигәа иҟаз аҭыԥқәеи рҿы ирбаз еиҭарҳәеит. Уи заҳаз ауаагьы иҟалаз ҳбап ҳәа уахь рҿынархеит. 15 Иисус иахь ианнеи ирбеит, уаанӡа легионк адемонцәа зхаԥаны иҟаз ахаҵа ихы аҭыԥ аҿы ишааиз, иҽеилаҳәаны дыштәаз. Уи анырба, даараӡа ишәеит. 16 Иара убас иҟалаз збаз урҭ ирзеиҭарҳәеит адемонцәа зхаԥаны иҟаз ахаҵеи аҳәақәеи ирыхьыз. 17 Усҟан ажәлар Иисус рҳабла далҵны дцарц и́ҳәеит.
18 Иисус анышь данақәтәоз, уаанӡа адемонцәа зхаԥаны иҟаз ахаҵа уахьцо сга ҳәа иҳәара далагеит. 19 Аха Иисус уи димгаӡеит. Иара иҳәеит: «Уҩныҟа уцаны, уҭынхацәа Иегова* иузыҟаиҵаз зегь рзеиҭаҳәа, ирзеиҭаҳәа ушрыцҳаишьаз». 20 Иаргьы дцан, Иисус изыҟаиҵаз зегьы Жәақалақьраҿы* аиҭаҳәара далагеит. Ауаагьы ираҳауаз џьаршьон.
21 Иисус анышь дақәтәаны еиҭа нырцәҟа дырит. Амшын аҿы дыҟанаҵы ажәлар еизахьан. 22 Уахь днеит Иаи́р зыхьӡыз асинагога аиҳабацәа руаӡәк. Уи Иисус даниба, иҿаԥхьа дшьамхышгылан, 23 иҳәара далагеит: «Сыԥҳа хәыҷы аԥсра даҿуп, суҳәоит, унапқәа лықәҵа, дыбзиахарц, дымԥсырц азы». 24 Иаргьы уи ахаҵа диццеит. Ажәларгьы Иисус идыӷәӷәало, ишьҭаланы ицеит.
25 Уа дыҟан 12 шықәса ишьабоз аԥҳәыс. 26 Лара имаҷҩымкәа аҳақьымцәа дырхәышәтәуан, даараӡа дгәаҟуан, илымаз зегь нылххьан, аха деиӷьхомызт, еиҳагьы деицәахон. 27 Уи аԥҳәыс Иисус иӡбахә лаҳахьан, убри аҟынтә ажәлар лыҽрыларӡны ишьҭахьҟала днеин, имаҭәа акалҭ далакьысит. 28 Лара гәаныла илҳәон: «Имаҭәа заҵәык сакьысыргьы сыбзиахоит». 29 Убри аминуҭ азгьы ашьа аангылеит. Усҟан лара еилылкааит лчымазара бааԥс шлыхгаз.
30 Иисус иаразнак игәеиҭеит амч шилҵыз. Убри аҟынтә ишьҭахьҟа дынхьаҳәын: «Сымаҭәа иалакьысда?» — ҳәа дҵааит. 31 Иҵаҩцәа ирҳәеит: «Иумбаӡои шаҟаҩы укәшаны, иудыӷәӷәала игылоу? „Исылакьысда“ ҳәа узҵаауеи?» 32 Аха иара днаԥшы-ааԥшуан, илакьысыз дибарц азы. 33 Аԥҳәыс дшыбзиахаз еилылкаан, дшәаԥырҳаԥуа, дҵыс-ҵысуа иҿаԥхьа дшьамхышгылан, иҟалаз шыҟалаз изеиҭалҳәеит. 34 Иара ус леиҳәеит: «Сыӡӷаб, бхаҵара бахәышәтәит, бгәы рҭынчны бца. Уи ачымазара бааԥс уаҳа баргәаҟлаӡом».
35 Иисус дцәажәонаҵы, асинагога аиҳабы иҩнынтәи ауаа аан, ус рҳәеит: «Уԥҳа дыԥсит. Шьҭа Арҵаҩы иргәаҟра заҭахузеи?» 36 Иисус ари аниаҳа, Иаи́р ус иеиҳәеит: «Умшәан, ахаҵара аарԥшы». 37 Иисус Пиотри, Иакови, Иаков иашьа Иоанни рыда, уаҳа аӡә диццар имуӡеит.
38 Асинагога аиҳабы иҩны ианнеи, зегьы еилауаҭыруа ишгылаз рбеит. Ауаа амыткәма ҳәо, аҵәыуара иаҿын. 39 Иисус аҩны даныҩнала, ус иҳәеит: «Шәзеилаҭыруеи? Шәызҵәыуои? Ахәыҷы дымԥсӡеит, дыцәоуп». 40 Уи заҳаз ихыччара иалагеит. Зегь дәылҵырц реиҳәан, аӡӷаб лани, лаби, иҵаҩцәеи иманы, аӡӷаб дахьышьҭаз дыҩналеит. 41 Уа иара лнапы ааникылан, ус иҳәеит: «Талифа́ ку́ми». Иаанагоит: «Сыӡӷаб, бара боуп изасҳәо, бгыл!» 42 Аӡӷабгьы ахьышәҭҳәа дҩагылан, аныҟәара далагеит. Лара 12 шықәса лхыҵуан. Ари збаз зегьы даараӡа игәырӷьеит. 43 Аха Иисус ижәбаз аӡәгьы иашәымҳәан ҳәа зныкымкәа* иреиҳәеит. Нас аӡӷаб акрылҿашәҵа иҳәеит.