Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Алагамҭа 45
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Алагамҭа. Ахҳәаа

      • Иосиф иашьцәа дызусҭоу реиҳәоит (1—15)

      • Иосиф иашьцәа Иаков иаагаразы ихынҳәуеит (16—28)

Алагамҭа 45:8

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иаб сакәны».

Алагамҭа 45:17

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аԥстәқәа».

Алагамҭа 45:18

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ашша».

Алагамҭа 45:22

Албаагақәа

  • *

    3,4 кг раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Алагамҭа 45:23

Албаагақәа

  • *

    Ма «ачаԥшьи».

Алагамҭа 45:24

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    6/2017, ад. 28—29

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Алагамҭа 45:1–28

Алагамҭа

45 Иосиф ицәаныррақәа уаҳа рыҵәахра анилымша, ибжьы ҭыганы имаҵуцәа ус реиҳәеит: «Шәдәылҵ зегьы!» Зегь андәылҵ, Иосиф иашьцәа дызусҭаз реиҳәеит.

2 Иосиф убас ибжьы рдуны аҵәыуара далагеит, иҵәыуабжь египтаагьы ираҳаит, иҟалаз афараон иҩны аҟынӡагьы инеит. 3 Аҵыхәтәаны иашьцәа иреиҳәеит: «Сара Иосиф соуп. Саб иԥсы ҭоума?» Аха иашьцәа аҭак рзыҟаҵомызт, избанзар ишанханы иҟан. 4 Иосиф иашьцәа дрыҳәеит: «Шәааскьа сара сахь». Даргьы иара иахь инаскьеит.

Усҟан ус реиҳәеит: «Сара Египетҟа ишәҭииз шәашьа Иосиф соуп. 5 Аха уажәшьҭа уи хьаас ишәымкын, арахь сахьышәҭииз шәхы ахара адшәымҵан, избанзар Анцәа шәара шәаԥхьа сишьҭит, шәыԥсҭазаара еиқәирхарц азы. 6 Абар уажәшьҭа ҩышықәса ҵуеит ари адгьыл аҿы амлакра ыҟоижьҭеи, даҽа хәышықәса ацәаӷәареи аҭагалареи зыҟалаӡом. 7 Анцәа шәара шәаԥхьа сааишьҭит, имч ду аарԥшны ари адгьыл аҿы шәҭаацәарақәа ихьчарц азы, шәыԥсҭазаарагьы еиқәирхарц азы. 8 Шәара шәакәӡам арахь саазышьҭыз, Анцәа ду иоуп. Иара афараон ихадоу иабжьгаҩыс* сҟаиҵеит, иҩны еиҳабыс саиҭеит, Египет зегьы сахаиргылеит.

9 Ирласны саб иахь шәхынҳәы, иагьиашәҳәа: „Абас иҳәоит уҷкәын Иосиф: ‚Анцәа Египет зегьы сахаиргылеит. Ирласны уааи сара сахь. 10 Уара Гоше́н адгьыл аҿы унхалоит, сааигәарагьы уҟазаауеит, уҷкәынцәеи, уареи, умоҭацәеи, урахә-ушәахәи, иааумоу зегьы. 11 Уа сара уаргьы, уҭаацәагьы, иара убас иумоу зегьы афатә шәысҭалоит, иааумоу зегь уцәымӡырц азы, избанзар амлакра даҽа хәышықәса иҟазаауеит‘“. 12 Уажәшьҭа шәаргьы ижәбоит сашьа Вениамингьы ибоит ишәацәажәо сара шсакәҵәҟьоу. 13 Изеиҭашәҳәа саб Египет исымоу ахьӡ-аԥшеи, ижәбази, ишәаҳази. Шәааласы, шәцаны саб арахь даажәга».

14 Иосиф иашьа Вениамин дааигәыдиҳәҳәалан, аҵәыуара далагеит, Вениамингьы Иосиф данигәыдиҳәҳәалоз дҵәыуон. 15 Иосиф дҵәыуо иашьцәа зегь гәыдикылеит. Нас иашьцәа иацәажәара иалагеит.

16 Иосиф иашьцәа шааз афараон иҩнаҭа аҟынӡа инеит. Афараони имаҵуцәеи уи иеигәырӷьеит. 17 Афараон Иосиф ус иеиҳәеит: «Уашьцәа абас раҳә: „Аҽадақәа* афатә рықәҵаны Ханаа́нҟа шәдәықәла, 18 шәаби шәҭаацәеи шәыманы сара сахь шәаа. Сара Египет бзиарас иҟоу зегь шәара ишәысҭоит, ари адгьыл иунаҭо зегь иреиӷьу аҽаҩра* шәфалоит“. 19 Абас раҳә: „Египетынтәи шәхәыҷқәеи шәыҳәсеи рзы ауардынқәа жәга, руак шәаб дақәыртәаны арахь шәаа. 20 Шәмазара хьаас ишәымкын, избанзар Египет бзиарас иҟоу зегь шәара ишәтәхоит“».

21 Израиль иԥацәа убас иагьыҟарҵеит, Иосиф, афараон ишиҳәаз еиԥш, урҭ ауардынқәа риҭеит, амҩан ирфашагьы риҭеит. 22 Иара зегьы амаҭәа ҿыцқәа риҭеит, Вениамин 300 шекель* араӡны ииҭеит, аҽыԥсахга маҭәақәагьы хәба ииҭеит. 23 Иаб изы египеттәи аҳамҭақәа зқәиҵаз жәа-ҽадаки иаб амҩан иифаша ачарыци*, ачеи, афатәи зқәиҵаз жәа-ҽадаки ишьҭит. 24 Нас иашьцәа амҩан шәмеибаргәаан ҳәа реиҳәан, идәықәиҵеит.

25 Даргьы Египетынтәи иаб Иаков иахь Ханаа́нҟа ихынҳәит. 26 Дара ус иарҳәеит: «Иосиф иԥсы ҭоуп, Египет зегь дахагылоуп!» Аха ражәақәа Иаков игәахьгьы инеимгеит, избанзар иԥацәа рыгәра имгаӡеит. 27 Иосиф ииҳәаз зегь Иаков ианизеиҭарҳәа, дыргарц азы иааишьҭыз ауардынқәагьы аниба, иԥсы ҭалеит. 28 Израиль ҿааиҭит: «Уажәшьҭа сыҷкәын Иосиф иԥсы шҭоу агәра згоит! Сцаны сыԥсаанӡа дызбароуп!»

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра