Марк иҟынтә ажәабжь бзиа
16 Асабша аниас, Мариа Магдалинеи, Иаков иан Мариеи, Саломи́еи зыфҩы хааз ахәша злаз аҳаскьынқәа аахәаны ирыманы ицеит, аԥсы ихьыршьырц азы. 2 Амчыбжь актәи амш аҽны, шарԥазы, амра шаагылаз еиԥш, дара адамрахьы иааит. 3 Амҩан урҭ ус еибырҳәон: «Адамра ахаҳә ҳзадызхуада?» 4 Ианнеи, ахаҳә адхны ишыҟаз рбеит, уи даараӡа ишдуузгьы. 5 Адамра ианҭала, арыӷьарахь иауз амаҭәа шкәакәа зшәыз рԥыск дыштәаз рбеит. Ирбаз џьаршьан, ишанхеит. 6 Иара иҳәеит: «Иџьашәымшьан. Сара издыруеит ашьаҟа икыдҵаны иршьыз назареттәи Иисус шәышишьҭоу. Уи ара дыҟаӡам, иԥсы ҭалеит. Шәахәаԥш, аброуп дахьышьҭарҵаз. 7 Уажәшьҭа шәцаны, иҵаҩцәеи Пиотри ирашәҳәа: „Иара Галилеиа дышәзыԥшызаауеит. Ишшәеиҳәахьаз еиԥш убра дыжәбоит“». 8 Згәы ҭҟьаны, ишанханы иҟаз аҳәса адамра иҭыҵын, иҩны ицеит. Дара аӡәгьы акгьы иарымҳәаӡеит, избанзар ишәон*.