Иоанн иҟынтә ажәабжь бзиа
18 Убри аниҳәа ашьҭахь, Иисус иҵаҩцәа иманы арха* Кедро́н дҭысын, абаҳчахь дцеит. 2 Иҭира згәы иҭаз Иудагьы уи аҭыԥ идыруан, избанзар Иисус иҵаҩцәеи иареи уа лассы-лассы еиқәшәалон. 3 Иуда уахь римтәи аруаа иманы днеит, иара убас аԥшьаҩ еиҳабацәеи афарисеицәеи иаарышьҭыз ахьчаҩцәагьы неигеит. Дара алашарбагақәеи, акәаҷабқәеи, абџьари рыманы иааит. 4 Иисус изыԥшыз зегь идыруан азы, ԥхьаҟа дааскьан: «Шәзышьҭада?» — ҳәа дразҵааит. 5 «Назарет иатәу Иисус», — рҳәеит дара. — «Уи сара соуп», — иҳәеит иара. Дызҭииз Иудагьы уа дрыдгылан.
6 Иисус «сара соуп» ҳәа анреиҳәа, шьҭахьҟа ихьаҵын, иахьгылаз икаҳаит. 7 Иисус урҭ еиҭа дразҵааит: «Шәзышьҭада?» — «Назарет иатәу Иисус», — рҳәеит дара. 8 Иисус иҳәеит: «Сара соуп ҳәа шәасымҳәеи. Сара сакәзар шәзышьҭоу, арҭ ауаа наҟ ишәышьҭы». 9 Ус зиҳәаз, ииҳәахьаз абарҭ ажәақәа наӡарц азоуп: «Исуҭаз рҟынтә аӡәымзар-аӡәгьы дысцәымӡӡеит».
10 Усҟан Си́мон Пиотр иаҳәа ааҭиԥаан, аԥшьаҩ хада имаҵуҩы иарӷьа лымҳа ааҿахиҵәеит. (Уи амаҵуҩы Малх ихьӡын.) 11 Аха Иисус Пиотр ус иеиҳәеит: «Уаҳәа аҭра иҭаҵа. Саб исиҭаз аҵәца зжәыр акәӡами?»
12 Усҟан римтәи аруааи, урҭ реиҳаби, иудеиатәи ахьчаҩцәеи Иисус дыкны дҿарҳәеит. 13 Раԥхьа Анна иахь дыргеит. Анна уи ашықәсазы ԥшьаҩ хадас иҟаз Каиа́фа иабхәа иакәын. 14 Каиа́фа иоуп аиудеиаа иразҳәаз ажәлар рзы аӡәызаҵәык дыԥсыр дара рзы еиҳа еиӷьхоит ҳәа.
15 Си́мон Пиотри даҽа ҵаҩыки Иисус ишьҭаланы ицон. Уи аҵаҩы аԥшьаҩ хада дидыруан, убри аҟынтә Иисус дицны аԥшьаҩ хада иашҭа дҭалеит. 16 Аха Пиотр агәашә аԥхьа даанхеит. Нас аԥшьаҩ хада дыздыруаз аҵаҩы дааин, агәашә зыхьчоз аԥҳәыс дналацәажәан, Пиотр ашҭа дҭеигалеит. 17 Уи амаҵуҩԥҳәыс Пиотр ус диазҵааит: «Уара ари ауаҩ иҵаҩцәа ируаӡәку уакәӡами?» — «Мамоу», — иҳәеит иара. 18 Ахьҭа ыҟан, убри аҟынтә амаҵуцәеи ахьчаҩцәеи амца еиқәҵаны аҽырԥхара иаҿын. Пиотргьы урҭ дрыдгыланы иҽирԥхон.
19 Аԥшьаҩ еиҳабы Иисус азҵаарақәа иҭара далагеит, иҵаҩцәеи ауаа идирҵози дрызҵаауан. 20 Иисус ус иҳәеит: «Сара ауаа аргама срацәажәон, аиудеиаа зегь ахьеизо асинагогақәа рҿи аныҳәарҭа аҿи еснагь ауаа Анцәа иажәа дсырҵон, маӡала акгьы сҳәаӡомызт. 21 Сара узсазҵаауеи? Исҳәоз заҳауаз уразҵаа. Дара ирдыруеит исҳәоз». 22 Усҟан иааигәара игылаз ахьчаҩцәа руаӡәк Иисус диҿасын, ус иҳәеит: «Аԥшьаҩ еиҳабы ушԥаиацәажәо?» 23 Иисус иҳәеит: «Ииашамкәа ак сҳәазар, сахьиашам саҳә. Исҳәаз иашазар, нас, узысҿасуеи?» 24 Уи ашьҭахь Анна Иисус дышҿаҳәаз аԥшьаҩ хада Каиа́фа иахь дишьҭит.
25 Си́мон Пиотр амцаҿы аҽырԥхара данаҿыз, ус иазҵааит: «Уаргьы иҵаҩ уакәӡами?» —«Мамоу», — иҳәан, мап икит. 26 Аԥшьаҩ хада имаҵуцәа руаӡәк Пиотр ус диазҵааит: «Уара уакәӡами абаҳчаҿы ицны избаз?» Уи амаҵуҩы Пиотр злымҳа хиҵәаз амаҵуҩы иуа иакәын. 27 Аха Пиотр еиҭах мап икит. Убри аминуҭ азгьы арбаӷь ҿнаҭит.
28 Иисус Каиа́фа иҟынтә аиудеиаа рнапхгаҩы Пилат иаҳҭынрахьы дыргеит. Шьыжьымҭан шаанӡа акәын. Аха даазгақәаз аҳҭынрахьы имнеиӡеит, рҽырымҟьашьырц азы. Инеизҭгьы, Мшаԥазтәи уаххьа рзыфаӡомызт. 29 Убри аҟынтә Пилат дара рахь даацәырҵын, ус дразҵааит: «Харас идышәҵои ари ауаҩ?» 30 Дара ирҳәеит: «Дыцәгьаҟаҵаҩымызҭгьы, уара уахь дааҳгарымызт». 31 Аха Пилат ус реиҳәеит: «Наҟ дыжәга. Шәара шәзакәан ала иус шәыӡба». Аиудеиаа ирҳәеит: «Ҳара ауаҩы ишьра азин ҳамаӡам». 32 Убас инаӡеит Иисус иԥсышьа зеиԥшрахо иазкны ииҳәаз ажәақәа.
33 Пилат аҳҭынрахьы дхынҳәын, Иисус дааиԥхьан, ус диазҵааит: «Уара аиудеиаа раҳ уоума?» 34 Иисус ус дҵааит: «Узҵаауа аҭак уаҳарц ахьуҭаху азы акәу, егьырҭ сыӡбахә ахьуарҳәаз азы акәу?» 35 Пилат иҳәеит: «Сара сауриоума? Ужәлари аԥшьаҩ еиҳабацәеи роуп сара сахь уаазгаз. Иҟауҵеи?» 36 Иисус иҳәеит: «Саҳра ари адунеи аҳрақәа иреиԥшӡам*. Саҳра ари адунеи аҳрақәа иреиԥшызҭгьы, аиудеиаа срырымҭарц азы смаҵзуҩцәа қәԥалон. Аха Саҳра ари адунеи аҳрақәа иреиԥшӡам». 37 Пилат ус диазҵааит: «Аҳ уоума, нас?» Иисус иҳәеит: «Уара ухаҭа иуҳәоит аҳ шсакәу. Сара сызиз, адунеи ахьгьы сзааз аҵабырг сазышаҳаҭларц азоуп. Аҵабырг иадгылоу дарбанзаалак исҳәо дазыӡырҩуеит». 38 Пилат ус иҳәеит: «Изакәи аҵабырг?»
Уи ашьҭахь еиҭа аиудеиаа рахь дцәырҵын, ус иҳәеит: «Сара ари ауаҩ ихароу ҳәа акгьы збом. 39 Шәҵас инақәыршәангьы, Мшаԥныҳәазы ишаԥу еиԥш аӡәы дышәзоусышьҭуеит. Ишәҭахызар, аиудеиаа раҳ доусышьҭуеит». 40 Дара ҳәҳәеит: «Уи иакәым, Вара́вва доушьҭ!» Вара́вва дқәылаҩын.