Иоанн иҟынтә ажәабжь бзиа
5 Уи ашьҭахь Иисус Иерусалимҟа дцеит. Уа аиудеиаа аныҳәа азгәарҭон. 2 Иерусалим, Ауасақәа ргәашә ҳәа изышьҭоу агәашә азааигәара, ауриа бызшәала Бетза́та захьӡу хә-барҵак змоу аӡҭарчы-аҽыкәабарҭа ыҟоуп. Урҭ абарҵақәа рхыб агәашьақәа рыҵагылоуп. 3 Уа ачымазцәеи, алашәцәеи, ацыркьцәеи, зхы иамыхәози* шьҭан. Урҭ рхыԥхьаӡара даараӡа ирацәан. 4 ——* 5 Уа дыҟан 38 шықәса ичмазҩыз хаҵак. 6 Иисус идыруан уи акыршықәса дшычмазҩыз. Иара уи ахаҵа уа дшышьҭаз аниба, ус диазҵааит: «Убзиахарц уҭахума?» 7 «Ухаҵкы, аӡы аилашра ианалагалак, сӡаазҵо уаҩ дсымам, сара уа снеиаанӡа, даҽаӡәы саԥхьа дҭалоит», — иҳәеит иара. 8 Иисус уи ус иеиҳәеит: «Угыл, узықәиоу* аашьҭыхны, аныҟәара уалага». 9 Уи ауаҩ иаразнак дыбзиахеит, дзықәиазгьы аашьҭихын, аныҟәара далагеит.
Уи аҽны сабшан, 10 убри аҟынтә аиудеиаа Иисус иихәышәтәыз уи ауаҩ ус иарҳәеит: «Иахьа сабшоуп, уцәарҭа уаҵалар ҟалаӡом». 11 Аха иара ус реиҳәеит: «Сызхәышәтәыз „узықәиоу аашьҭыхны, аныҟәара уалага“ ҳәа сеиҳәеит». 12 Дара иазҵааит: «Иуазҳәада „узықәиоу аашьҭыхны, аныҟәара уалага“ ҳәа?» 13 Аха уи ахаҵа дызхәышәтәыз дызусҭоу издырӡомызт, избанзар Иисус ажәлар иҽрылаирӡит.
14 Ԥыҭрак ашьҭахь Иисус уи ахаҵа аныҳәарҭаҿы дибан, ус иеиҳәеит: «Уажәшьҭа убзиахеит. Уаҳа агәнаҳа ҟаумҵан, еицәоу ак умыхьырц азы». 15 Усҟан уи ахаҵа аиудеиаа рахь дцан, дызхәышәтәыз Иисус шиакәу реиҳәеит. 16 Даргьы Иисус сабшала ауаа ахьихәышәтәуаз азы ишьҭашәарыцара иалагеит. 17 Иара ус реиҳәеит: «Саб уажәгьы аус иуеит, саргьы аус зуеит». 18 Уи ашьҭахь аиудеиаа еиҳагьы рҽазҵәылхны Иисус ишьра иашьҭалеит, избанзар асабша аилагара адагьы, Анцәа Саб иоуп ҳәа ҳәо, иҽиаҟареитәуеит ҳәа рыԥхьаӡон.
19 Аха Иисус ус реиҳәеит: «Агәра ганы шәыҟаз: Аԥа ихала акгьы ҟаиҵаӡом, Иаб иҟаиҵоны иибо ауп иҟаиҵо. Аб иҟаиҵо ауп Аԥагьы иҟаиҵо, Аб ишыҟаиҵо ауп ишыҟаиҵогьы. 20 Аб Иԥа бзиа дибоит, иҟаиҵогьы зегь иирбоит, еиҳау аусқәагьы иирбараны дыҟоуп, шәара иџьашәшьаларц азы. 21 Аб аԥсцәа рыԥсы шҭеиҵо еиԥш, Аԥагьы изиҭаху аԥсҭазаара риҭоит. 22 Аб аӡәгьы диқәыӡбаӡом, иара уи аус Иԥа инапы ианиҵеит, 23 зегьы Аб ҳаҭыр шиқәырҵо еиԥш, Аԥагьы ҳаҭыр иқәырҵаларц азы. Аԥа ҳаҭыр иқәзымҵо, уи даазышьҭыз Абгьы ҳаҭыр иқәиҵаӡом. 24 Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: сажәа заҳауа, насгьы саазышьҭыз игәра зго аӡбара дацәцоит, наӡаӡатәи аԥсҭазаарагьы иоуеит. Ус еиԥш иҟоу ауаҩы аԥсра аҟынтә аԥсҭазаарахь диасит.
25 Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: иааиуеит аамҭа, уи иагьааихьеит, аԥсцәа Анцәа Иԥа ибжьы анраҳауа, уи ииҳәо иацныҟәогьы рыԥсы ҭазаауеит. 26 Избанзар Аб аԥсҭазаара дшахыҵхырҭоу еиԥш*, Иԥагьы аԥсҭазаара дахыҵхырҭахарц азы алшара ииҭеит. 27 Аб уи зегьы рус иӡбаларц азы амчра ииҭеит, избанзар уи ауаҩытәыҩса Иԥа иоуп. 28 Уи џьашәымшьан, избанзар иааиуеит аамҭа анышә иамоу* зегьы иара ибжьы раҳаны, 29 рыԥсы анҭало. Абзиара ҟазҵоз наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуеит, ацәгьара ҟазҵоз рус ӡбахоит. 30 Сара схала акгьы ҟасҵаӡом, Саб ишсеиҳәо еиԥш ауп ауаа рус шысыӡбо, сыӡбарагьы иашоуп, избанзар сара исҭаху акәӡам иҟасҵо, саазышьҭыз ииҭаху ауп.
31 Сара сымацара схы сазышаҳаҭуазҭгьы, сышаҳаҭра иашахомызт. 32 Сара исзышаҳаҭуа даҽаӡә дыҟоуп, издыруеит уи ишаҳаҭра шиашоу. 33 Шәара ауаа Иоанн иахь ишәышьҭуан, иара сара дысзышаҳаҭуан, ииҳәозгьы иашан. 34 Сара ауаҩы ишаҳаҭра сҭахӡам, исҳәо зысҳәо шәеиқәхарц азоуп. 35 Иоанн ижжаӡа иаку алашарбага даҩызан. Шәара уи алашара шәалагәырӷьон, аха шәгәырӷьара хара имнеиӡеит, избанзар уаҳа алагәырӷьара шәҭахымхаӡеит. 36 Иоанн Саб сшааишьҭыз шаҳаҭра иуан, аха сара исымоуп Саб сшааишьҭыз еиҳагьы ишьақәзырӷәӷәо — уи иара исыдиҵаз, инасыгӡо аусқәа роуп. 37 Саазышьҭыз Саб сара дысзышаҳаҭуан. Шәара шәакәзар, уи ахаан ибжьы шәмаҳаӡацт, ихаҿсахьагьы шәымбаӡацт, 38 иажәагьы шәгәаҿы иҟаӡам, избанзар иааишьҭыз игәра жәгаӡом.
39 Шәара Аҩыра инҭырҳәыцааны иҭышәҵаауеит, избанзар Аҩыра абзоурала наӡаӡатәи аԥсҭазаара шәоуеит ҳәа шәгәы иаанагоит, арахь иара сара исзышаҳаҭуеит. 40 Аха шәара ишәҭахӡам аԥсҭазаара шәоурц азы сара сахь ааира. 41 Сара ауаа сдырҽхәалар сҭахӡам, 42 аха издыруеит шәара Анцәа бзиа дшышәымбо. 43 Сара Саб ихьӡала сааит, аха шәара сшәыдышәкылаӡом. Аӡәы ихы ахьӡала даазҭгьы, уи дшәыдышәкылон. 44 Сыгәра злажәгои, аӡәи-аӡәи шәанеибарҽхәо шәгәаԥхозар, арахь Анцәа шәирҽхәаларц азы игәы аҟаҵара шәашьҭамзар? 45 Шәгәы иаанамган Саб иҿаԥхьа ахара шәыдысҵоит ҳәа, гәыӷырҭас ишәымоу Моисеи иоуп ахара шәыдызҵо. 46 Моисеи игәра жәгозҭгьы, саргьы сыгәра жәгон, избанзар иара сыӡбахә иҩуан. 47 Аха иара ииҩыз агәра шәымгозар, сара исҳәо агәра злажәгои?»