Иоанн иҟынтә ажәабжь бзиа
15 Сара ииашаҵәҟьоу аӡахәа соуп, Саб — дӡахәааӡаҩуп. 2 Иара акгьы зҿамло сымахәҭақәа хҵәаны икаижьуеит. Изҿало амахәҭа ирыцқьоит, еиҳаны аҽаҩра аанагаларц азы. 3 Уажәшьҭа шәара ишәасҳәаз ажәа абзоурала шәыцқьоуп. 4 Сара шәсыдҳәалаз, усҟан саргьы шәара сшәыдҳәалазаауеит. Амахәҭа аӡахәаҿы иаанымхар, акгьы шҿамло еиԥш, шәаргьы сара шәсыдҳәаламзар, аус бзиақәа шәзыҟаҵаӡом*. 5 Сара сӡахәоуп, шәара шәмахәҭақәоуп, сара исыдҳәалоу, саргьы сзыдҳәалоу, аус бзиақәа рацәаны иҟаиҵоит*. Сара сыда шәара акгьы шәзыҟаҵаӡом. 6 Сара исыдҳәаланы иаанымхо ихырҵәо, нас иҩо амахәҭа даҩызоуп. Ус еиԥш иҟоу амахәҭақәа еизганы амца иақәҵаны ирбылуеит. 7 Сара шәсыдҳәаланы шәаанхалар, сажәагьы нашәыгӡалар, ишәҭаху зегь шәаҳәала, иагьшәоуеит. 8 Аус бзиақәа рацәаны ианыҟашәҵо*, сҵаҩцәа шшәакәу шьақәшәырӷәӷәоит. Уи Саб хьӡи-ԥшеи инаҭоит. 9 Саб бзиа сшибо еиԥш, саргьы убас бзиа шәызбоит, бзиа шәызбалартә еиԥш шәхы мҩаԥыжәгала*. 10 Сыԥҟарақәа нашәыгӡалар, бзиа шәызбалоит, Саб иԥҟарақәа ахьынасыгӡо азы бзиа сбара дшаҟәымҵуа еиԥш.
11 Абри зысҳәо сара исымоу агәырӷьара шәаргьы ишәоурц азоуп, уи агәырӷьара шәгәы арҭәырц азы. 12 Абар сыԥҟара: сара бзиа шәшызбо еиԥш бзиа шәеибабала. 13 Зҩызцәа зыԥсы* рыхҭнызҵо ибзиабара аасҭа еиҳау абзиабара ыҟам. 14 Ишәасҳәо ҟашәҵалар, сҩызцәа шәакәхоит. 15 Сара уаҳа амаҵуцәа ҳәа шәзысҳәаӡом, избанзар амаҵуҩы иԥшәма иҟаиҵо издырӡом. Сара аҩызцәа ҳәа шәзысҳәоит, избанзар Саб иҟынтә исаҳаз зегь шәзаасыртит. 16 Шәара шәакәӡам сара салызхыз, сара соуп шәара шәалызхыз. Сара шәцаны, аус бзиақәа ҟашәҵаларц* шәасҳәеит, наӡаӡа иаанхо аус бзиақәа. Усҟан сыхьӡала Саб шәзызиҳәо зегь шәиҭоит.
17 Убас ҟашәҵаларц зшәасҳәо бзиа шәеибабаларц азоуп. 18 Адунеи шәацәымӷзар, ижәдыруаз уи раԥхьа сара сшацәымыӷхаз. 19 Ари адунеи шәатәызҭгьы, уи иара иатәу шьоук реиԥш бзиа шәабозаарын. Аха шәара ари адунеи шәатәӡам, сара шәалысхит, убри азоуп адунеи шәзацәымӷу. 20 Ишәасҳәаз шәхашәмыршҭлан: амаҵуҩы иԥшәма иаасҭа деиҳаӡам. Сара исышьҭашәарыцозҭгьы, шәаргьы ишәышьҭашәарыцалоит, сажәа нарыгӡозҭгьы, шәажәагьы нарыгӡалоит. 21 Ауаа ус зышәзыруло сыхьӡ азы ауп, избанзар дара саазышьҭыз дрыздырӡом. 22 Сара сааны урҭ акгьы расымҳәазҭгьы, агәнаҳазы ахара рыдломызт. Аха уажәшьҭа рыгәнаҳазы хыриашашьа рымам. 23 Сара сызцәымӷу Сабгьы дицәымӷуп. 24 Ахаан аӡәгьы иҟаимҵац аусқәа ишырбоз иҟасымҵазҭгьы, агәнаҳазы ахара рыдломызт. Аха дара сшырбозгьы, саргьы сырцәымыӷхеит, Сабгьы дырцәымыӷхеит. 25 Ус зыҟалаз, рзакәан иану абарҭ ажәақәа наӡарц азоуп: „Дара акгьы шысхарамызгьы сырцәымыӷхеит“. 26 Сара Саб иҟынтә даҽа цхырааҩык* дышәзаасышьҭуеит — аҵабырг аазыртуа адоуҳа. Уи Саб иҟынтә ианаалак, сара исзышаҳаҭлоит, 27 шәаргьы шәысзышаҳаҭлоит, избанзар аханатә инаркны шәсыцын.