Римаа рахь
11 Убри аҟынтә азҵаара сымоуп: Анцәа ижәлар мап рцәикма? Ҳәарада, мап! Саргьы израильаа среиуоуп, Авраам ишьҭра сатәуп, Вениамин иҭаацәара салҵит. 2 Анцәа аханатә иалиххьаз ажәлар мап рцәимкӡеит. Ишәзымдырӡои Аҩыраҿы ишану Илиа Анцәа даниҳәоз, израильаа дшырзашшуаз? 3 Иара иҳәеит: «Иегова*, урҭ уԥааимбарцәа зегьы ршьит, умҭанагарҭақәа зегь ықәырхит, сара заҵәык соуп иаанхаз, аха уажәшьҭа саргьы сыршьырц рҭахуп». 4 Аха иеиҳәеи Анцәа Илиа? «Сара 7 000-ҩык аансыжьит, урҭ Ваа́л имҵахырхәаӡомызт». 5 Убасоуп иахьагьы. Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара абзоурала агәыԥ маҷ алхны имоуп. 6 Ҳзыԥсам ақьиара абзоурала акәзар, уи ҳусқәа рыла иҳарҳаз ак акәӡам. Ус акәызҭгьы, уи ҳзыԥсам ақьиара акәхаӡомызт.
7 Нас, иаҳҳәар ҳалшозеи? Израильаа ирҭахыз рмоуӡеит, изауз Анцәа иалихыз роуп. Егьырҭ ргәаҵәа жәпахеит, 8 ишану еиԥш: «Анцәа урҭ ҭаҳәахаа ирцәеит. Иахьа уажәраанӡа рылақәа акгьы рбаӡом, рлымҳақәа акгьы раҳаӡом». 9 Давидгьы иҳәоит: «Рчыс шьацҳәаны ирзыҟалааит, изыхҟьашо хаҳәны иҟалааит, ирықәнагоу иақәшәарц азы. 10 Рыла иамбо ирықәлашьцааит, аидара хьанҭа рыбӷа архәааит».
11 Убри аҟынтә азҵаара сымоуп: израильаа уаҳа изымгыло икаҳама? Ҳәарада, мап! Аха иҟарҵаз агха егьырҭ ажәларқәа аиқәхаразы алшара рнаҭеит. Уи иахҟьаны израильаа ашьыцра иалагеит. 12 Урҭ рыгха адунеи арбеиозар, рхыԥхьаӡара ахьмаҷхаз егьырҭ ажәларқәа ирзеиӷьхозар, шаҟа абзиара ҟалараны иҟоузеи, рхыԥхьаӡара нагӡаны ианыҟало!
13 Уажәшьҭа егьырҭ ажәларқәа ирылҵыз сашьцәа шәоуп изасҳәо. Сара егьырҭ ажәларқәа рзы апостолс салхуп, Анцәа исаҭәеишьаз амаҵзурагьы ахә ҳаракны исшьоит, 14 убри аҟынтә сгәыӷуеит, сызлыҵыз ажәлар шәара ишәоуз иаҵашьыцуа иҟасҵап ҳәа, ԥыҭҩык ирыдамзаргьы еиқәсырхарц азы. 15 Анцәа урҭ мап анырцәик, егьырҭ ажәларқәа Анцәа иҩызцәаны иҟаларц азы алшара роуит. Уажәшьҭа израильаа идикылар, урҭ иԥсны зыԥсы ҭалаз ирҩызахоит. 16 Раԥхьатәи аҽаҩра аҟынтә Анцәа кәырбанс изнарго ача злырхыз амажәа ахәҭак ԥшьазар, амажәа зегь ԥшьоуп. Аҵла адац ԥшьазар, амахәҭақәагьы ԥшьоуп.
17 Аха амаслинаҵла махәҭақәак хырҵәеит, нас уара, абнатә маслинаҵла, урҭ рҭыԥан уахарҳаит. Уажәшьҭа уаргьы уи аҵла адацқәа ирылоу аӡы ужәлоит. 18 Аха уара ихырҵәаз амахәҭақәа раасҭа уеиӷьуп ҳәа угәы иаанамган. Ус угәы иаанагозар, иухоумыршҭын адацқәа зку уара шуакәым, адацқәа роуп уара узку. 19 Уара ус уҳәар ауеит: «Сара сахарҳарц азоуп амахәҭақәа зхырҵәаз». 20 Ааи, ус ауп. Урҭ зыхҵәаз ахаҵара ахьрымамыз азоуп, уара узахарҳаз ахаҵара ахьумоу азоуп. Убри аҟынтә ухы шьҭумхлан, Анцәа уицәшәала. 21 Анцәа аҵла иатәыз амахәҭақәа хиҵәазар, уара уаанижьуеит ҳәа угәы иаанагома? 22 Уара иубоит Анцәа дышқьиоу, аха убри аамҭазгьы дшыџьбароу. Даанзыжьыз рзы дыџьбароуп, аха уара узы дқьиоуп, избанзар иқьиара ааирԥшыртә еиԥш ухы мҩаԥугоит. Даҽакала ухы мҩаԥуго уалагар, егьырҭ амахәҭақәа шхиҵәаз еиԥш, уаргьы ухиҵәоит. 23 Аха израильаа ахаҵара аарԥшра иалагар, иара урҭ ҿыц амаслинаҵла иахеиҳауеит. Иара уи илшоит. 24 Анцәа уара абнатә маслинаҵла аҟынтә уҿахҵәаны, абаҳчаҿы изызҳауа амаслинаҵла уахеиҳазар, абжьааԥны ус ишыҟарымҵогьы, илымшаӡои иара уи аҵла иатәу амахәҭақәа ҿыц иахеиҳар?
25 Сашьцәа, шәҟәыӷоуп ҳәа шәхы шәмыԥхьаӡаларц азы, иԥшьоу абри амаӡа жәдыруазарц сҭахуп: израильаа рҟынтә шьоукы шымӡырҩуа иаанхоит, Анцәа егьырҭ ажәларқәа рҟынтә иалихыз зегь ааиаанӡа. 26 Убасала израильаа зегь еиқәхоит, избанзар Аҩыраҿы иануп: «Аиқәырхаҩ Сион аҟынтә даауеит, иара Иаков ихылҵыз ажәлар ацәгьоура иаҟәихуеит. 27 Рыгәнаҳақәа анранасыжьлак, дареи сареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьасҵоит». 28 Дара ажәабжь бзиа ахьрыдрымкылаз азы, Анцәа иаӷацәаны иҟалеит. Уи шәара ишәзеиӷьхеит. Аха Анцәа рабацәа ириҭахьаз ажәа аҳаҭыразы урҭ рҟынтә шьоук алихит, иҩызцәа ракәхарц азы. 29 Анцәа аҳамҭақәа ахьыҟаиҵо дахьхәӡом, иалихыз ахьалихызгьы дахьхәӡом. 30 Уаанӡа шәара Анцәа шәизыӡырҩӡомызт, аха израильаа ахьизымӡырҩуаз азы шәара шәрыцҳаишьеит. 31 Ус анакәха, шәара шәызрыцҳаишьаз урҭ ахьизымӡырҩуаз азоуп. Аха шәара шәышрыцҳаишьаз еиԥш, даргьы рыцҳаишьар илшоит. 32 Анцәа урҭ рымӡырҩра иахҟьаны зегьы иҭаку реиԥш дырзыҟан, урҭ зегь рыцҳаишьарц азы.
33 Шаҟа игәы ҭбааузеи Анцәа! Шаҟа иҵаулоузеи иҟәыӷареи идыррақәеи! Иӡбарақәеи иусқәеи еилкаашьак рымам! 34 «Изылшода Иегова иихәыцуа адырра? Изылшода илабжьара?» 35 «Ӡәыр Анцәа кыр ииҭахьома, Анцәа ауал иқәхартә еиԥш?» 36 Иҟоу зегь зшаз иара иоуп, иара илоуп ишыҟоу, изыҟоугьы иара изоуп. Хьӡи-ԥшеи наӡаӡа игымзааит. Амин.