Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Неемиа 7
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Неемиа. Ахҳәаа

      • Ақалақь агәашәи агәашәхьчаҩцәеи (1—4)

      • Атҟәара аҟынтә ихынҳәыз рсиа (5—69)

        • Аныҳәарҭа амаҵуцәа (46—56)

        • Соломон имаҵуцәа рԥацәа (57—60)

      • Хатәгәаԥхарала иҟарҵаз аҳамҭақәа (70—73)

Неемиа 7:3

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра шаанӡа».

Неемиа 7:7

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «израильтәи ахацәа».

Неемиа 7:64

Албаагақәа

  • *

    Ма «ицқьаӡам ҳәа иԥхьаӡан, убри аҟынтә ԥшьаҩцәас амаҵ рзуӡомызт».

Неемиа 7:65

Албаагақәа

  • *

    Ма «тирша́фа». Апровинциа анапхгаҩы имаз персиатәи атитул.

Неемиа 7:66

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аизара зегь аҿы». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Аизара; ауаажәларратә еилазаара».

Неемиа 7:70

Албаагақәа

  • *

    8,4 кг. Абжьааԥны адра́хма 8,4 г иҟаз персиатәи ахьтәы да́рик иаҟаран. Уи Абырзен Ҩырақәа рҿы зыӡбахә ҳәоу адра́хма акәӡам. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    Аиҭага «Адунеи ҿыц», ад. 435

Неемиа 7:71

Албаагақәа

  • *

    168 кг. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

  • *

    1,3 т раҟара. Ауриатә Ҩырақәа рҿы зыӡбахә ҳәоу амина 570 г иҟоуп.

Неемиа 7:72

Албаагақәа

  • *

    1,1 т раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Неемиа 7:73

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Израиль зегь».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
  • 35
  • 36
  • 37
  • 38
  • 39
  • 40
  • 41
  • 42
  • 43
  • 44
  • 45
  • 46
  • 47
  • 48
  • 49
  • 50
  • 51
  • 52
  • 53
  • 54
  • 55
  • 56
  • 57
  • 58
  • 59
  • 60
  • 61
  • 62
  • 63
  • 64
  • 65
  • 66
  • 67
  • 68
  • 69
  • 70
  • 71
  • 72
  • 73
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Неемиа 7:1–73

Неемиа

7 Аҭӡамц анеиҭашьақәҳаргыла, иаразнак ашәқәа ҭасыргылеит. Нас иалхын агәашәхьчаҩцәеи, ашәаҳәаҩцәеи, алевитцәеи. 2 Иерусалим сашьа Хана́ни дахасыргылеит, иара убас дахасыргылеит абааш аиҳабы Хана́ниа, избанзар иара узықәгәыӷыртә иҟаз уаҩын, ԥыҭҩык раасҭагьы Анцәа ду дицәшәон. 3 Сара урҭ ус расҳәеит: «Иерусалим агәашә шьыбжьонынӡа* аартра ҟалаӡом, агәашәхьчаҩцәа игыланы ихьчонаҵы, уахынла агәашәқәа адырклааит. Уи адагьы, Иерусалим инхо рҟынтә ахьчаҩцәа шәыргыл, шьоукы — ахьчарҭа ҭыԥқәа рҿы, егьырҭ — рыҩнқәа рҿаԥхьа». 4 Ақалақь дуун, иҭбааҭыцәын, аха ауаа маҷын, аҩнқәагьы макьана иргылаӡамызт.

5 Сынцәа сгәазҭеиҵеит ауаа дуқәеи, аиҳабацәеи, ажәлари еизганы, шьҭрала ашәҟәы ианысҵарц. Усҟан зегь раԥхьа иааз рсиа сыԥшааит. Уа абас анын:

6 «Абар вавилонтәи аҳ Навуходоно́сор Вавилонҟа итҟәаны иигаз, нас ԥыҭрак ашьҭахь атҟәара аҟынтә ихынҳәны апровинциаҿы инхоз ауаа. Дара Иерусалимҟеи Иудеиаҟеи, дасу рықалақьқәа рахь ихынҳәит. 7 Урҭ Зорова́вельи, Иешу́еи, Нееми́еи, Аза́риеи, Раа́миеи, Нахама́нии, Мардохе́ии, Билша́ни, Миспере́ти, Бигва́ии, Неху́ми, Баа́неи ирыцны иааит.

Абар израильаа* рсиа: 8 Паро́ш иԥацәа — 2 172-ҩык, 9 Шефа́тиа иԥацәа — 372-ҩык, 10 Ара́х иԥацәа — 652-ҩык, 11 Паха́т-Моа́в иԥацәа, Иешу́еи Иоа́ви рԥацәа рҟынтә, — 2 818-ҩык, 12 Ела́м иԥацәа — 1 254-ҩык, 13 За́тту иԥацәа — 845-ҩык, 14 Закка́и иԥацәа — 760-ҩык, 15 Бинну́и иԥацәа — 648-ҩык, 16 Бева́и иԥацәа — 628-ҩык, 17 Азга́д иԥацәа — 2 322-ҩык, 18 Адоника́м иԥацәа — 667-ҩык, 19 Бигва́и иԥацәа — 2 067-ҩык, 20 Ади́н иԥацәа — 655-ҩык, 21 Ате́р иԥацәа, Езеки́а ихылҵшьҭра, — 98-ҩык, 22 Хашу́м иԥацәа — 328-ҩык, 23 Беца́и иԥацәа — 324-ҩык, 24 Хори́ф иԥацәа — 112-ҩык, 25 Гаваон инхоз — 95-ҩык, 26 Вифлеем инхози Нето́фа инхози — 188-ҩык, 27 Анато́т инхоз — 128-ҩык, 28 Бет-Азмаве́т инхоз — 42-ҩык, 29 Кириа́т-Иеари́м инхози, Кефи́ра инхози, Бееро́т инхози — 743-ҩык, 30 Ра́ма инхози Ге́ва инхози — 621-ҩык, 31 Михма́с инхоз — 122-ҩык, 32 Вефи́ль инхози Га́и инхози — 123-ҩык, 33 егьи Не́во инхоз — 52-ҩык, 34 егьи Ела́м иԥацәа — 1 254-ҩык, 35 Хари́м иԥацәа — 320-ҩык, 36 Иерихо́н инхоз — 345-ҩык, 37 Лод инхози, Хади́д инхози, О́но инхози — 721-ҩык, 38 Сена́иа иԥацәа — 3 930-ҩык.

39 Аԥшьаҩцәа: Иеда́иа иԥацәа, Иешу́а ихылҵшьҭра, — 973-ҩык, 40 Имме́р иԥацәа — 1 052-ҩык, 41 Пашху́р иԥацәа — 1 247-ҩык, 42 Хари́м иԥацәа — 1 017-ҩык.

43 Алевитцәа: Годе́ва иԥацәа рҟынтә Иешу́еи Кадмии́ли рԥацәа — 74-ҩык. 44 Ашәаҳәаҩцәа: Аса́ф иԥацәа — 148-ҩык. 45 Агәашәхьчаҩцәа: Шаллу́м иԥацәа, Ате́р иԥацәа, Талмо́н иԥацәа, Акку́в иԥацәа, Хати́та иԥацәа, Шова́и иԥацәа — 138-ҩык.

46 Аныҳәарҭа амаҵуцәа: Ци́ха иԥацәа, Хасу́фа иԥацәа, Таббао́т иԥацәа, 47 Керо́с иԥацәа, Си́а иԥацәа, Фадо́н иԥацәа, 48 Лева́на иԥацәа, Хага́ва иԥацәа, Салма́и иԥацәа, 49 Хана́н иԥацәа, Гидде́л иԥацәа, Гаха́р иԥацәа, 50 Реа́иа иԥацәа, Реци́н иԥацәа, Неко́да иԥацәа, 51 Газза́м иԥацәа, У́зза иԥацәа, Пасеа́х иԥацәа, 52 Беса́и иԥацәа, меуни́маа, Нефишси́м иԥацәа, 53 Бакбу́к иԥацәа, Хаку́фа иԥацәа, Харху́р иԥацәа, 54 Бацли́т иԥацәа, Мехи́да иԥацәа, Ха́рша иԥацәа, 55 Барко́с иԥацәа, Сиса́ра иԥацәа, Тема́х иԥацәа, 56 Нециа́х иԥацәа, Хати́фа иԥацәа.

57 Соломон имаҵуцәа рԥацәа: Сота́и иԥацәа, Софере́т иԥацәа, Фери́да иԥацәа, 58 Иаа́ла иԥацәа, Дарко́н иԥацәа, Гидде́л иԥацәа, 59 Шефа́тиа иԥацәа, Хатти́л иԥацәа, Похере́ф-Гаццеваи́м иԥацәа, Амо́н иԥацәа. 60 Аныҳәарҭа амаҵуцәеи Соломон имаҵуцәа рԥацәеи иааизакны 392-ҩык ыҟан.

61 Абар Тел-Мела́хынтәи, Тел-Ха́ршантәи, Керу́вынтәи, Аддо́нынтәи, Имме́рынтәи иааз, аха рабацәеи рабдуцәеи израильаа шракәыз ззышьақәмырӷәӷәоз: 62 Дела́иа иԥацәа, То́виа иԥацәа, Неко́да иԥацәа — 642-ҩык. 63 Аԥшьаҩцәа рҟынтә: Хова́иа иԥацәа, Хакко́ц иԥацәа, Галаа́д иатәыз Барзилла́и иԥҳа дызгаз Барзилла́и иԥацәа. Иара иабхәа ихьӡ игеит. 64 Дара шьҭрала изтәқәаз шьақәдырӷәӷәарц азы рабиԥарақәа рыхьӡқәа ахьаныз иашьҭан, аха ирзымԥшааӡеит, убри аҟынтә иӡбан ԥшьаҩцәас амаҵ ауразы ианаалаӡом ҳәа*. 65 Анапхгаҩы* урҭ ури́ми тумми́ми зхы иазырхәо аԥшьаҩы дцәырҵаанӡа иԥшьоу афатә рфар ҟалаӡом ҳәа реиҳәеит.

66 Иааизакны* 42 360-ҩык ыҟан, 67 7 337-ҩык амаҵуцәа (аҳәсеи ахацәеи) аламҵаӡакәа; иара убас урҭ ирыцын 245-ҩык ашәаҳәаҩцәа (аҳәсеи ахацәеи). 68 Дара ирыман 736 ҽи, 245 гәыжьи, 69 435 махҽи, 6 720 ҽадеи.

70 Абиԥарақәа рхадацәа шьоукы аус азы хатәгәаԥхарала аҳамҭақәа ҟарҵеит. Анапхгаҩы иҟаиҵеит ахьтәы дра́хмақәа 1 000*, аҵәцақәа 50, аԥшьаҩцәа иршәырҵо иауу ахарԥқәа 530. 71 Абиԥарақәа рхадацәа рҟынтә даҽа шьоукы аус азы иҟарҵеит ахьтәы дра́хмақәа 20 000*, араӡны минақәа 2 200*. 72 Ажәлар иҟарҵеит ахьтәы дра́хмақәа 20 000, араӡны минақәа 2 000*, аԥшьаҩцәа иршәырҵо иауу ахарԥқәа 67.

73 Аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи, агәашәхьчаҩцәеи, ашәаҳәаҩцәеи, аныҳәарҭа амаҵуцәеи, егьырҭ израильааи* дасу рықалақьқәа рҿы анхара иалагеит. Абыжьбатәи амза анааи, израильаа дасу рықалақьқәа рҿы инхахьан».

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра