Римаа рахь
1 Христос Иисус имаҵуҩы Павел иҟынтә асаламшәҟәы. Сара Анцәа иҟынтә ажәабжь бзиа ауаа ирыласҳәаларц азы апостолс салхын. 2 Анцәа уи ажәабжь бзиа аӡбахә аԥааимбарцәа рыла иԥшьоу Аҩыраҿы иҳәеижьҭеи акрааҵуеит. 3 Уи ажәабжь Давид ишьҭра иатәу Анцәа Иԥа изкуп. 4 Анцәа имч, иԥшьоу идоуҳа, ихы иархәаны Иҳақәиҭу Иисус Христос иԥсы ҭеиҵеит. Уи Иԥа шиакәу шьақәнарӷәӷәеит. 5 Иара ила Анцәа ҳара ҳахь ҳзыԥсам ақьиара ааирԥшит. Иисус сара апостолс салихит, ажәларқәа зегь рҟынтә ауаа срыцхрааларц ахаҵареи аҳәатәхаҵареи раарԥшра, ихьӡ арҳаракра. 6 Анцәа шәаргьы Иисус Христос ишьҭа шәхыланы шәцаларц азы ааԥхьара шәиҭеит. 7 Ари асаламшәҟәы ззысыҩуа Рим иҟоу, Анцәа бзиа иибо, насгьы иԥшьоу ракәны иҟазарц азы иалху роуп:
Ҳаб Ҳанцәеи Иҳақәиҭу Иисус Христоси иаадырԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи иҳарҭо аҭынчреи шәыгымзааит.
8 Зегь раԥхьаӡа иргыланы Иисус Христос ила Анцәа шәара зегь шәзы иҭабуп ҳәа иасҳәоит, избанзар адунеи зегь аҿы шәхаҵара аӡбахә рҳәоит. 9 Сара гәык-ԥсыкала Анцәа имаҵ зуеит, Иԥа изку ажәабжь бзиагьы ауаа ирыласырҵәоит. Анцәа идыруеит, сара ахаангьы шәара шәзы иҳәара сшаҟәымҵуа. 10 Анцәа сиҳәоит, иауазар, иара иҭахызар, шәара шәахь анеира сылшарц. 11 Сара даараӡа исҭахуп шәызбар, шәгәы шьҭысхыр, убри алагьы шәхаҵара еиҳагьы исырӷәӷәар. 12 Исҭаху шәхаҵара сырӷәӷәарц мацара акәӡам, шәаргьы схаҵара шәырӷәӷәар сҭахуп, убасала аӡәи-аӡәи ҳагәқәа шьҭибахырц.
13 Сашьцәа, зныкымкәа шәара шәахь анеира иақәыскхьан, аха сзымнеит. Сара избар сҭахын ҳмаҵзура шәара шәҿы алҵшәа бзиақәа шаанагаз, егьырҭ ажәларқәа рҿы ишаанагаз еиԥш. 14 Сара абырзенцәеи, егьырҭ ажәларқәеи, иҟәыӷоуи, аилкаара змами рҿаԥхьа ауал сыдуп. 15 Убри аҟынтә даараӡа исҭахуп шәара, Рим инхогьы, ажәабжь бзиа шәзеиҭасҳәар. 16 Сара ажәабжь бзиа сацәыԥхашьаӡом, избанзар уи ала Анцәа имч ду ааирԥшуеит, ахаҵара аазырԥшуа ауаа зегь еиқәирхоит, зны ауриацәа, нас абырзенцәа. 17 Уи ажәабжь ала Анцәа ахаҵара аазырԥшуа ауаа ииашоу иԥҟарақәа рзааиртит, убри алагьы рхаҵара ирӷәӷәеит, Аҩыраҿы ишану еиԥш: «Анцәа иҿаԥхьа ииашоу ауаҩы ихаҵара абзоурала дынхалоит».
18 Ажәҩан аҟынтә Анцәа ауаа идирбоит иҟарҵо ацәгьарақәа зегьы игәы шԥыржәо, избанзар дара егьырҭ аҵабырг рцәырҵәахуеит. 19 Анцәа изкны еилаҳкаар ҳалшо зегьы дара рзы иаатуп, избанзар Анцәа ирзааиртит. 20 Иаҳбарҭам иҟазшьақәа адунеи аншаз инаркны иубарҭоуп. Анцәа ишамҭақәа анҭаҳҵаауа, дзеиԥшроу еилаҳкаауеит. Урҭ зегьы иаадырԥшуеит иара наӡаӡатәи амч шимоу, Дшынцәоугьы шьақәдырӷәӷәоит. Убри аҟынтә Анцәа дхазымҵо рхы зладыриашо ҳәа акгьы рымаӡам. 21 Дара Анцәа дырдыруеит, аха дҳараркӡом, иҭабуп ҳәагьы иарҳәаӡом, рыхшыҩ хәашьит, рыгәгьы алашьцара ахаԥеит. 22 Ҳҟәышуп ҳәа рҳәоит, аха ибзамыҟәқәоуп. 23 Ԥсра зқәым Анцәа ирҳаракра аҭыԥан, ԥсра зқәу ауаа рсахьақәеи, аҵарақәеи, ԥшь-шьапык зҵоу аԥстәқәеи, иҳәазо аԥстәқәеи рсахьақәа ирымҵахырхәоит.
24 Убри азоуп Анцәа урҭ ргәаҳәара ҟьашьқәа рынагӡара дзырԥырхагам. Урҭ ицәырԥхашьагоу аусқәа рыла рҽырҟьашьуеит. 25 Дара Анцәа изку аҵабырг амц иаҭнырыԥсахлеит. Зегь зшаз Анцәа иоуп азы, иара иоуп наунагӡа арҽхәара иаԥсоу. Амин! Аха дара иара иакәымкәа, ишамҭақәа иреихырхәоит. 26 Убри азоуп Анцәа урҭ заанижьыз, ргәаҳәара ҟьашьқәа рыҽрырҭарцгьы залиршаз. Аҳәса ахацәа ракәымкәа, аҳәса ирыцышьҭалаларц ауп ирҭаху, Анцәа ус ишимшазгьы. 27 Убасеиԥш ахацәагьы, аҳәса ракәымкәа, ахацәа ирыцышьҭалаларц ауп ирҭаху. Ахацәеи ахацәеи еизгәышьуа, ахәымгарақәа ҟарҵо иалагеит. Аха дара рус хәымгақәа рзы ирықәнагаҵәҟьоу иақәшәоит.
28 Дара Анцәа иеилкаара* ихадоу ак акәны ирмыԥхьаӡаӡеит азы, иара рхәыцра ҟьашьқәеи дареи еизынижьит, даргьы аус хәымгақәа ҟарҵо иалагеит. 29 Урҭ иашамралеи, цәгьаралеи иҭәуп, аԥсыцәгьареи ашьыцреи икны иагоит, ауаҩшьра рнапы алакуп, аимак-аиҿаки аицәымӷреи рыбжьоуп, амци уҳәан-сҳәани еибырҳәоит. 30 Ауаа иҟам-ианым рзырҳәоит, Анцәа дырцәымӷуп, рыла ԥхашьарак хым, рхы мыцхәы иҳараркуеит, аҽхәара бзиа ирбоит, ицәгьахәыцыҩцәоуп, рҭаацәа ирзыӡырҩӡом, 31 аилкаара рымаӡам, ражәа нарыгӡаӡом, рыуацәа бзиа ирбаӡом, арыцҳашьара рылаӡам. 32 Дара ибзианы ирдыруеит Анцәа изакәан ишану ус зхы мҩаԥызго ауаа шьтәуп ҳәа, аха рхаҭа ус ахьыҟарҵо азмырхаӡакәа, урҭ аус хәымгақәа ҟазҵо иҟашәҵо бзиоуп ҳәа рарҳәоит.