Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ефесаа 4
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ефесаа. Ахҳәаа

      • Христос ицәеижь иамоу акзаара (1—16)

        • «Ауаа ҳамҭаҵас иҳаиҭеит» (8)

      • Ажәытә цәаҩеи ацәаҩа ҿыци (17—32)

Ефесаа 4:2

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    6/2016, ад. 22

Ефесаа 4:3

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    6/2016, ад. 22

Ефесаа 4:5

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Абиблиатә зҵаарақәа рҭак», астатиа 110

Ефесаа 4:8

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    8/2020, ад. 21

Ефесаа 4:12

Албаагақәа

  • *

    Ма «аҵара ддырҵаларц».

Ефесаа 4:13

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    8/2022, ад. 2—3

    «Ахьчаратә бааш»,

    1/9/2015, ад. 8—10

Ефесаа 4:14

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    Аиҭага «Адунеи ҿыц», ад. 466

Ефесаа 4:19

Албаагақәа

  • *

    Абырзен ажәа асе́лгеиа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа».

Ефесаа 4:23

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    1/2023, ад. 8

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 60

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    6/2019, ад. 10—12

Ефесаа 4:24

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    1/2023, ад. 10—11

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 60

Ефесаа 4:26

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    1/2018, ад. 7

    «Аҭаацәаратә насыԥ», ад. 156

Ефесаа 4:28

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 36

Ефесаа 4:29

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 51

    «Анцәа ибзиабара», ад. 139—143

Ефесаа 4:31

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 51

Ефесаа 4:32

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 51

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ефесаа 4:1–32

Ефесаа рахь

4 Убри аҟынтә сара, Иҳақәиҭу игәра ахьызго азы иҭаку Павел, сшәыҳәоит Анцәа иааиԥхьаз ишрықәнагоу еиԥш шәхы мҩаԥыжәгаларц, 2 еснагь ахынраалара аашәырԥшла, шәҟәымшәышәыз, ачҳара шәылаз, абзиабара аарԥшуа ишәыгу-ишәыбзоу шәанеибажьла, 3 ҭынч шәеицынхала, иԥшьоу адоуҳа абзоурала ишәырҳаз акзаара шәыхьчарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала. 4 Цәеижьк ауп иҟоу, доуҳак ауп иҟоу, Анцәа ишәиҭазгьы гәыӷрак ауп, 5 Иҳақәиҭугьы аӡә иоуп, хаҵарак ауп иҟоу, ӡӡаахрак ауп иҟоу, 6 Нцәас иҟоугьы, зегьы Абыс ирымоугьы аӡә иоуп, иара иаасҭа еиҳау дыҟам, иара ҳара зегьы ихы ҳаирхәоит, имч иҟанамҵо ҳәа ак ыҟам.

7 Анцәа ҳара зегь ҳахь ҳзыԥсам ақьиара ааирԥшит, дасу Христос ишҳаиҭаз еиԥш уи аҳамҭа ҳауит, 8 избанзар Аҩыраҿы иануп: «Аҳаракырахь дхалан, атҟәацәа игеит, иара урҭ ауаа ҳамҭаҵас иҳаиҭеит». 9 «Аҳаракырахь дхалан» иаанаго уаанӡа ҵаҟа, адгьыл ахь, дшылбаахьаз акәӡами? 10 Илбааз иоуп жәҩанс иҟоу зегьы ирхысны хыхь ихалаз, иара ила зегь харҭәаахарц азы.

11 Иара шьоукы апостолцәа реиԥш иҳаиҭеит, егьырҭ — аԥааимбарцәа реиԥш, даҽа шьоукы — ажәабжь бзиа зҳәо реиԥш, егьырҭ — ахьчацәеи арҵаҩцәеи реиԥш, 12 иԥшьоу ауаа ахшыҩ ддырҵаларц*, егьырҭ рымаҵ руларц, Христос ицәеижь дырӷәӷәаларц. 13 Дара уи ҟарҵалоит ҳара зегьы хаҵарак ала ҳаидкыланы ҳҟалаанӡа, Анцәа Иԥа изку ииашоу, иҵаулоу адыррақәа ҳарҳаанӡа, насгьы зегь рыла Христос иеиԥш ҳашәны ҳҟалаанӡа. 14 Убри аҟынтә амц зҳәо, насгьы ҩысҭаарала ауаа зжьо иахьырзыӡырҩуа иахҟьаны ацәқәырԥақәа зны анахь, зны арахь идыршәуа, еиуеиԥшым аҵарақәа рыԥшақәа ирыманы иқәу ахәыҷқәа уаҳа ҳреиԥшмыз. 15 Уи аҭыԥан аиаша ҳҳәалап, абзиабара ааҳарԥшлап, зегь рыла ҳхада, Христос, ҳиеиԥшны, доуҳала ҳашәны ҳҟаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалап. 16 Иара илоуп ацәеижь ахәҭақәа зегь шеибарку, ишеидҳәалоу, аҟәартәрақәа рыцхыраарала аус шеицыруа. Ацәеижь ахәҭақәа зегьы дасу рус анынарыгӡо, ацәеижь еизҳауеит, бзиабаралагьы иҭәуеит.

17 Убри аҟынтә Иҳақәиҭу иҿаԥхьа ишәасҳәоит: Анцәа дхазымҵо ауаа реиԥш уаҳа шәхы мҩаԥышәымгалан, избанзар дара акгьы иаԥсам рхәыцшьа ишрыҵанаҳәо еиԥш ауп ишынхо. 18 Рыхшыҩ алашьцара ахаԥаны иҟоуп, Анцәа иҳадигало аԥсҭазаарагьы иацәыхароуп, избанзар Анцәа дырдырыргьы рҭахӡам, ргәы хаҳәхеит. 19 Дара аламыс рцәыӡит, акы иацәыԥхашьо иҟам*, рыԥсы қымқымуа ргәаҳәара ҟьашьқәа рыҽрырҭоит.

20 Аха шәара еилышәкааит Христос ус дшыҟам, 21 ииҳәоз шәаҳаҵәҟьазар, ишәирҵоз шьҭышәкааҵәҟьазар, убасҟан ауп уи еилышәкааҵәҟьеит ҳәа шәҳәар аншәылшо, избанзар Иисус иҿы ауп аҵабырг ахьыҟоу. 22 Шәара ишәырҵан ажәытә цәаҩа шәшәышәхыр шакәу. Уи уаанӡатәи шәыԥсҭазаашьа ишәнаҭаз цәаҩоуп, шәызжьо шәгәаҳәарақәа ирыхҟьаны еиҳа-еиҳа абжьысрагьы иаҿуп. 23 Анаҩсгьы шәхәыцшьа шәырҿыцла, 24 ииашаҵәҟьоу аиашареи азиашареи зныԥшуа, Анцәа игәы иақәшәо цәаҩа ҿыцла шәҽеилашәҳәа.

25 Убри аҟынтә уажәшьҭа амцҳәара шәанаҟәыҵ, аиаша еибышәҳәала, избанзар зегьы цәеижьк ҳахәҭакуп. 26 Шәгәы аныԥжәо, агәнаҳа ҟашәымҵан, шәгәы ԥжәаны шәшыҟоу амра ҭамшәааит. 27 Аџьныш ацәгьара шәирҟаҵар шәымун. 28 Иӷьычуаз аӷьычра даҟәыҵны, иџьабаала ихы ныҟәигалааит, акы иаргәаҟуа ииҭаша имазарц азы. 29 Шәҿы жәа баакгьы ҭымҵааит, ауаа ргәы шьҭызхуа мацара шәҳәала — уи анаҭаху, ишәзыӡырҩуа ишәҳәо ахәарҭа рзаанагаларц азы. 30 Анцәа амҳәыр злашәааирхаз иԥшьоу идоуҳа шәмыргәаалан. Иара уи адоуҳала амҳәыр шәааирхеит, аиқәхара амш анааилак, шәахьҿыхыз абзоурала ахақәиҭра шәоурц азы.

31 Иааншәыжь агәеибакра, агәыԥжәара, аԥсахеибакра, аҳәҳәара, улазырҟәуа ажәақәа, убас цәгьарас иҟоу зегьы. 32 Ақьиара аашәырԥшла, шәрыцҳеибашьала, Христос ила Анцәа гәык-ԥсыкала шәыгәнаҳақәа шшәанаижьыз еиԥш, гәык-ԥсыкала аӡәи-аӡәи шәыгхақәа шәанеибажьла.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра