Иона
2 Ио́на аԥсыӡ амгәа дахьҭаз Инцәа Иегова иҳәара далагеит. 2 Иара иҳәеит:
«Арыцҳара санақәшәа, Иегова сиҳәеит, иаргьы аҭак сиҭеит.
Анышәынҭра* амгәа аҟынтә ацхыраара саҳәеит.
Уаргьы сыбжьы уаҳаит.
3 Амшын агәы саналаужь,
Еилагьежьуаз аӡы сахәланагалеит,
Амч ду змоу уцәқәырԥақәа сханы еилагьежьуан.
4 Сара исҳәеит: „Ула саԥыругеит!
Излазбарызеи уажәшьҭа иԥшьоу уныҳәарҭа?“
5 Аӡы схыҵәан, сҭахарц ак сыгымхеит,
Ҵа змам амшын сахәланагалеит.
Аӡҵиаақәа схы иакәшеит.
6 Сара амшын аҵахь* сагеит.
Адгьыл агәашәқәа сара сзы наӡаӡа иакит.
Аха уара, Сынцәа Иегова, сыԥсы ҭаны уи атыша сҭугеит.
7 Сыԥсҭазаара аҿыцәаара ианаҿыз, Иегова, уара усгәалашәеит.
Уаргьы иԥшьоу уныҳәарҭаҿы сыҳәара уаҳаит.
8 Акгьы иаԥсам аидолқәа ирымҵахырхәо гәыбылрала иҭәу убзиабара рхы иагдырхоит.
9 Сара сакәзар, иҭабуп ҳәа уаҳәо, акәырбанқәа узназгоит.
Ажәа иусҭаз насыгӡоит.
Иегова, уара уоуп сара сеиқәырхаҩ».
10 Аамҭак ашьҭахь Иегова аԥсыӡ иадиҵеит Ио́на аҟәара дықәнажьырц, дагьықәнажьит.