Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • 1 Тимофеи 5
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

1 Тимофеи. Ахҳәаа

      • Зықәрахь инеихьоу, иара убас иқәыԥшу ишрызныҟәалатәу (1, 2)

      • Аҳәсеибацәа ишрыцхраалатәу (3—16)

        • Аҭаацәара ныҟәгалатәуп (8)

      • Аизара ибзианы напхгара азызуа аизара ахылаԥшыҩцәа ҳаҭыр рықәҵалатәуп (17—25)

        • «Уца ахьухьуа... азы маҷк аҩы ыжәла» (23)

1 Тимофеи 5:1

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    8/2018, ад. 13

1 Тимофеи 5:2

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    Аусуратә тетрад «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи»,

    7/2021, ад. 11

1 Тимофеи 5:3

Албаагақәа

  • *

    Ацхырааҩ дызмам аҳәсеибацәа.

1 Тимофеи 5:4

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Аҭаацәаратә насыԥ», ад. 149, 173—174

1 Тимофеи 5:7

Албаагақәа

  • *

    Ара зыӡбахә цо аҳәсеибацәеи урҭ рыуацәеи роуп.

1 Тимофеи 5:8

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    12/2023, ад. 27

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 49

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    8/2018, ад. 22

    «Анцәа ибзиабара», ад. 116

    «Аҭаацәаратә насыԥ», ад. 160

    «Адырра», ад. 145—146

1 Тимофеи 5:12

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «раԥхьатәи рхаҵара иахьагәҭасуа азы».

1 Тимофеи 5:16

Албаагақәа

  • *

    Ацхырааҩ дызмам аҳәсеибацәа.

1 Тимофеи 5:17

Албаагақәа

  • *

    Абырзен ажәа пресби́терос. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ахылаԥшҩы».

1 Тимофеи 5:18

Албаагақәа

  • *

    Ажәытәан израильаа ачарыц ахәҵәи иареи еилырхырц азы ацәқәа ҵакны, еизганы ишьҭаз ачарыц иахысуан.

1 Тимофеи 5:19

Албаагақәа

  • *

    Абырзен ажәа пресби́терос. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ахылаԥшҩы».

1 Тимофеи 5:20

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шәаларц азы».

1 Тимофеи 5:22

Албаагақәа

  • *

    Аӡәы аҭакԥхықәра идҵара уахымыццакын.

1 Тимофеи 5:23

Албаагақәа

  • *

    Ма «Аӡы мацара уаҳа иумжәлан».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 43

    «Ахьчаратә бааш»,

    1/12/2015, ад. 25—26

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
1 Тимофеи 5:1–25

1 Тимофеи иахь

5 Зықәрахь инеихьоу ахацәа урмацәҳалан, хаала, уабацәа реиԥш урацәажәала, иқәыԥшу — уашьцәа реиԥш, 2 зықәрахь инеихьоу аҳәса — уанацәа реиԥш, иқәыԥшу — гәыцқьала, уаҳәшьцәа реиԥш.

3 Аҳәсеибацәа, еибацәаҵәҟьоу*, ҳаҭыр рықәҵала, урыцхраала. 4 Аԥҳәысеиба ахшара ма амоҭацәа лымазар, урҭ дырбалааит, Анцәа гәыкала ишизиашоу раԥхьа рҭаацәара аҩныҵҟа аарԥшышьа рҵалааит. Дара рҭаацәеи, рандуцәеи, рабдуцәеи ирықәнагоу рырҭалароуп, избанзар Анцәа ус иҭахуп. 5 Еибахаҵәҟьаз, цхыраарада иаанхаз аԥҳәыс, дзықәгәыӷуа Анцәа иоуп, лара уахгьы-ҽынгьы дӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа диҳәоит. 6 Згәаҳәарақәа зыҽрызҭо аԥҳәысеиба лакәзар, уи лыԥсы шҭоугьы дыԥсуп. 7 Анаҩсгьы абарҭ амҩақәҵарақәа рыҭала, урҭ* ҽԥныҳәак руҭо иҟамзарц азы. 8 Аӡәы иҭаацәара ныҟәимгозар, еиҳараӡак иҩнаҭа иатәқәоу, уи зхаҵара мап ацәызкыз уаҩуп, Анцәа дхазымҵо иаасҭагьы деицәоуп.

9 Аԥҳәыс аҳәсеибацәа дырхуԥхьаӡаларц азы 60 шықәса дреиҵамзароуп, хаҵа заҵәык имаз лакәзароуп, 10 иҟалҵоз абзиарақәа рыла деицырдыруазароуп, зхәыҷқәа ибзианы изааӡаз, асасдкылара аазырԥшуаз, иԥшьоу ауаа ршьапқәа зыӡәӡәоз, арыцҳара иақәшәаз ирыцхраауаз, есымша аус бзиақәа ҟазҵоз лакәзароуп.

11 Иқәыԥшу аҳәсеибацәа асиа ианумҵан, избанзар рцәеижь агәаҳәарақәа Христоси дареи ианрыбжьагылалак, аҭаацәара алалара рҭаххоит. 12 Убасала раԥхьатәи ражәа ахьеиларго азы* ахара рыдлоит. 13 Уи адагьы, дара зны аӡә иахь инеиуа, зны даҽаӡә иахь инеиуа, усда-ҳәысда аныҟәара рҽадыршьцылоит, усда-ҳәысда аныҟәара адагьы, уҳәан-сҳәан аҳәареи, ирыхәҭам ҳәо, ирусым алацәажәареи рҽадыршьцылоит. 14 Убри азы сара исҭахуп иқәыԥшу аҳәсеибацәа аҭаацәара иалалаларц, ахшара роуларц, аҩнусқәа ирҿызарц, иаҳҿагыло ауаа аҳәатәы рырымҭаларц, 15 избанзар шьоукы аҵабырг ааныжьны, Аҩсҭаа ишьҭалахьеит. 16 Аиаҳәшьа лыуак деибахазар, длыцхраалааит, усҟан аизара уи еидараны иадлаӡом, насгьы еибаҵәҟьоу* ирыцхраалар алшоит.

17 Аизара ибзианы напхгара азызуа аизара ахылаԥшыҩцәа* еиҳау аҳаҭыр иаԥсоуп, еиҳараӡак Анцәа иажәа аҳәареи уи ауаа дырҵареи азы аџьабаа збо, 18 Аҩыраҿы иаными «ачарыц аҭәаҭәара* иаҿу ацә аҿаԥа аҿоумҵан» ҳәа, иара убас «аус зуа иулафахәы даԥсоуп» ҳәа. 19 Аӡәы аизара ахылаԥшҩы* ахара идиҵозар, уи уизымӡырҩын, ииҳәо шиашоу шьақәзырӷәӷәо ҩыџьа ма хҩык ашаҳаҭцәа ыҟамзар. 20 Агәнаҳа ҟазҵо ракәзар, иахьиашам зегьы рҿаԥхьа идырбала, уи збо ргәырҽанызарц азы*. 21 Анцәеи, Христос Иисуси, Анцәа иалихыз амаалықьцәеи рҿаԥхьа суҳәоит, иусҭаз амҩақәҵарақәа урықәныҟәаларц, аӡбара удукылаанӡа зегь бзианы иҭуҵааларц, аӡә далымкааӡакәа, зегь еиԥшны урзыҟазарц.

22 Унапқәа аӡәы иқәҵара уахымыццакын*, аӡәы игәнаҳақәа урылаҟьашьымхан, ухы цқьаны ихьчала.

23 Аӡы уаҳа иумжәлан*, уца ахьухьуа, насгьы лассы-лассы угәы ахьыбзиам азы маҷк аҩы ыжәла.

24 Џьоукы рыгәнаҳақәа еилыкка иубарҭоуп, иаразнакгьы ақәыӡбарахь инанагоит, егьырҭ рыгәнаҳақәа ԥыҭрак ашьҭахь ауп ианубарҭахо. 25 Убасҵәҟьа аус бзиақәагьы зегьы ирбарҭоуп, ирбарҭамзаргьы, урҭ узыҵәахуам.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра