Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • 2 Коринфаа 12
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

2 Коринфаа. Ахҳәаа

      • Павел џьашьахәыла иибаз (1—7а)

      • Павел ицәеижь иалаз амаӷ (7б—10)

      • Павел апостолцәа заманақәа дызлареицәоу ҳәа акгьы ыҟаӡам (11—13)

      • Павел коринфаа игәы иҵхоит (14—21)

2 Коринфаа 12:2

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Проповедуйте!», ад. 12

2 Коринфаа 12:4

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш»,

    1/7/2015, ад. 12

2 Коринфаа 12:7

Албаагақәа

  • *

    Ма «сыпҟара».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    11/2019, ад. 9

    Аусуратә тетрад «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи»,

    5/2019, ад. 4

2 Коринфаа 12:8

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    11/2019, ад. 9

2 Коринфаа 12:9

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    7/2020, ад. 14—19

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    11/2019, ад. 9

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    1/2018, ад. 5

2 Коринфаа 12:10

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    7/2020, ад. 14—19

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    1/2018, ад. 5

2 Коринфаа 12:21

Албаагақәа

  • *

    Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

  • *

    Абырзен ажәа асе́лгеиа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
2 Коринфаа 12:1–21

2 Коринфаа рахь

12 Сыҽхәар акәхоит, убри аҟынтә Иҳақәиҭу џьашьахәыла исирбази исзааиртызи алацәажәара салагоит, уи ахәарҭа шаанамгогьы. 2 Дыздыруеит Христос иҵаҩу аӡәы. 14 шықәса раԥхьа иара ахԥатәи ажәҩан ахь дган, амала исыздырӡом цәеижьла дыҟазу-дыҟамзу, Анцәа иоуп издыруа. 3 Ааи, дыздыруеит ус еиԥш иҟоу ауаҩы, цәеижьла дыҟазу-дыҟамзу сыздырам, Анцәа иоуп издыруа. 4 Иара џьанаҭ ахь дган. Уа иара иаҳауан иумҳәаша, ауаҩы иҳәар иҟамло ажәақәа. 5 Сара убри сихыҽхәалоит, схы сахыҽхәалаӡом. Схы сахыҽхәозар, сызхыҽхәало сыԥсыҽрақәа роуп. 6 Схы сахыҽхәар сҭаххаргьы, ахшыҩ змам сиҩызахаӡом, избанзар аиаша ауп исҳәо. Аха уеизгьы сыҽхәалаӡом, избанзар аӡәы исҳәо-изуа аасҭа еиҳаны иҟасҵошәа, сызлаҟам салаҟоушәа сҳареиклар сҭахӡам. 7 Исҭахӡам џьашьахәыла исзаатыз азы сҳараркларц.

Сҽырԥагьаны схы ҳарасымкларц азы сцәеижь амаӷ алаҵан, Аҩсҭаа имаалықь иеиԥшу уи амаӷ сыргәаҟра* иаҿуп. 8 Иҳақәиҭу хынтә сиҳәахьан наҟ исԥыригарц, 9 аха иара ус сеиҳәеит: «Иаасырԥшуа узыԥсам ақьиара узхоит, избанзар сымч нагӡаны ианааԥшуа уанԥсыҽу ауп». Убри аҟынтә сыԥсыҽрақәа еиҳагьы сгәырӷьаҵәа сырхыҽхәалоит, Христос имч хыҵакырҭаны исзыҟазарц азы. 10 Убри аҟынтә сгәы иахәоит Христос иаҳаҭыразы сахьыԥсыҽу, сахьыладырҟәуа, амамзаара сахьаргәаҟуа, иахьсышьҭашәарыцо, ауадаҩрақәа сахьрықәшәо, избанзар санԥсыҽу ауп саныӷәӷәоу.

11 Сара ахшыҩ змам аӡә иеиԥш сҟалеит, уи зхароу шәара шәоуп, шәара сшәырҽхәалар акәын, избанзар шәапостолцәа заманақәа среицәаӡам, акгьы иаԥсам иеиԥш сшәыԥхьаӡозаргьы. 12 Шәара шәылақәа рыла ижәбон сшапостолу аазырԥшуа ашьақәырӷәӷәарақәа: ачҳара аарԥшны зегь шысхызгоз, иара убас адыргақәеи, узыршанхо аусқәеи, аџьашьахәқәеи. 13 Иҟоума егьырҭ аизарақәа ирзыҟаҵаны, шәара ишәзыҟасымҵаз акы, схы ныҟәгатәыс иахьшәысымҭаз ада? Сшәыҳәоит, гәыҭбаарала исанашәыжь уи агха.

14 Абар ахынтә раан шәара шәахь анеира сгәы иҭаскуеит, аха схы ныҟәгатәыс ишәысҭаӡом. Сара исҭаху шәмал акәӡам, шәара шәоуп. Ахәыҷқәа ракәӡам аҭаацәа рзы амал еизызгаша, аҭаацәа роуп ахәыҷқәа рзы еизызгаша. 15 Сара стәы сҳәозар, сара шәара шәзы акгьы сеигӡаӡом, сыхгьы сеигӡаӡом. Убас иӷәӷәаны бзиа шәызбозар, саргьы убас бзиа сбатәӡами? 16 Ишыҟазаалакгьы, сара схы ныҟәгатәыс ишәысымҭаӡеит. Ус шакәугьы, шәара ишәҳәоит гызмалрыла сшәыҵаланы шәызжьеит ҳәа. 17 Ишәзынасышьҭуаз аишьцәа рыла схы шәасырхәарц сашьҭазма? 18 Сара Тит шәара шәахь днеирц сиҳәеит, даҽа иашьакгьы дицысҵеит. Нас, Тит џьара акала ихы шәаирхәама? Иареи сареи иҳамаз гәҭакык акәӡамзи? Мҩак акәӡамзи ҳазныз?

19 Нас, шәҿаԥхьа ҳхы ҳариашоит ҳәа аума уажәраанӡагьы шәгәы ишаанаго? Ҳара Христос иҵаҩцәа ҳауп, Анцәа идыруеит аиаша шаҳҳәо. Ҳаҭыр зқәу аишьцәа, иҟаҳҵо зегь зыҟаҳҵо шәара шәҳарӷәӷәарц азоуп. 20 Сшәоит шәара шәахь саннеилак, ишысҭаху еиԥш акәымкәа, даҽакала шәхы шымҩаԥыжәго збар ҳәа, саргьы ишышәҭаху еиԥш акәымкәа, даҽакала сыжәбар ҳәа. Сшәоит шәыбжьара иҟалар ҳәа аиҿыхарақәа, ашьыцра, аԥсахеибакра, аимак-аиҿак, ацәгьаҳәара, уҳәан-сҳәан, аԥагьара, аилаҩынтрақәа. 21 Еиҭах шәара шәахь саннеилак, Анцәа шәҿаԥхьа слаирҟәыр алшоит. Сгәы снархьыр алшоит уаанӡа агәнаҳа ҟазҵоз рҟынтә имаҷҩымкәа рыгәнаҳақәа иахьырхьымхәыз, иахьырхьымхәыз ицқьам рхымҩаԥгашьеи, рыламысдареи*, ԥхашьарак злам рхымҩаԥгашьеи*.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра