Ақәҵра
40 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Актәи амзазы актәи амш аҽны иԥшьоу ақьала, аиқәшәара ақьала, ргыл. 3 Уа аиқәшаҳаҭра аковчег ҩнаргыл, аковчег аԥхьа аԥарда кнаҳ, аковчег хазы иҟазарц азы. 4 Астол ҩнагал, нас иаҭаху зегь ықәыргыл. Алашарбагагьы ҩнагаланы акәаҷабқәа аркы. 5 Аиқәшаҳаҭра аковчег аҿаԥхьа афимиам ахьырбылуа, ахьы иалху акәырбаннагарҭа ргыл, нас иԥшьоу ақьала аҩналарҭаҿы аԥарда кнаҳа.
6 Иԥшьоу ақьала, аиқәшәара ақьала, аҩналарҭа аҿаԥхьа акәырбанқәа ахьырбылуа акәырбаннагарҭа ргыл. 7 Аиқәшәара ақьалеи акәырбаннагарҭеи рыбжьара ачан ргыл, нас аӡы ҭаҭәа. 8 Иԥшьоу ақьала иаакәыршаны ашҭа хкаа, ашҭа аҭаларҭаҿгьы аԥарда кнаҳ. 9 Уи ашьҭахь иԥшьоу ахәша аашьҭыхны иԥшьоу ақьалеи, уа иҟоу зегьи ирыхьшьы, нас иԥшьа иԥшьоу ақьалеи, уи иатәу амаҭәарқәеи зегьы, иԥшьоу ак акәны иҟаларц азы. 10 Акәырбанқәа ахьырбылуа акәырбаннагарҭеи уи иацу амаҭәарқәеи зегьы иԥшьоу ахәша рыхьшьы, нас акәырбаннагарҭа ԥшьа, уи даараӡа иԥшьоу ак акәны иҟаларц азы. 11 Ирыхьшьы иԥшьоу ахәша ачани уи зықәдыргылои, нас иԥшьа.
12 Ааро́н иԥацәеи иареи аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы иааганы рҽырыӡәӡәарц раҳәа. 13 Ааро́н иԥшьоу амаҭәа ишәҵа, нас иԥшьоу ахәшала дыԥшьа, убасҟан иара ԥшьаҩыс сымаҵ иулоит. 14 Уи ашьҭахь иԥацәа ааганы иауу ахарԥқәа рышәҵа. 15 Раб иеиԥш даргьы иԥшьоу ахәшала иԥшьа, ԥшьаҩцәас сымаҵ руларц азы. Урҭ иԥшьоу ахәшала иахьырԥшьо ишьақәнарӷәӷәалоит абиԥарақәа зегь рҿы еснагь ԥшьаҩцәас ишыҟазаало».
16 Моисеи Иегова ишиеиҳәаз еиԥш зегь ҟаиҵеит. Убасҵәҟьа иагьыҟаиҵеит.
17 Аҩбатәи ашықәс актәи амзазы, амза актәи амш аҽны иԥшьоу ақьала ргылан. 18 Моисеи иԥшьоу ақьала аниргылоз, акылҳарақәа змаз ашьаҭақәа шьҭаҵаны арамақәа рықәиргылеит, арамақәа алабақәа ркылихит, ашьаҟақәагьы ықәиргылеит. 19 Иара иԥшьоу ақьала ақәыршә ақәиршәит, нас хыхь ацәа иалхыз ақәыршә ақәиҵеит, Иегова ишиеиҳәаз еиԥш.
20 Моисеи аԥҟарақәа зныз ахаҳә ҟьаԥсқәа* аашьҭыхны аковчег иҭеиҵеит, нас аковчег амацәазқәа алабақәа ркылихит, аковчег ахҩагьы хиҩеит. 21 Иара аковчег ааганы иԥшьоу ақьалаҿы иргылеит, нас аиқәшаҳаҭра аковчег хазы иҟазарц азы аиҩкаагатә ԥарда кнеиҳаит, Иегова ишиеиҳәаз еиԥш.
22 Анаҩс Моисеи иԥшьоу ақьала, аиқәшәара ақьала, аҩадатәи аган аҿы, аиҩкаагатә ԥарда аԥхьа астол иргылеит, 23 нас Иегова иҿаԥхьа ача ықәиҵеит, Иегова ишиеиҳәаз еиԥш.
24 Иԥшьоу ақьала, аиқәшәара ақьала, аладатәи аган аҿы, астол аҿаԥхьа Моисеи алашарбага иргылеит. 25 Иара Иегова ишиеиҳәаз еиԥш, Иегова иҿаԥхьа алашарбага аиркит.
26 Анаҩс Моисеи аиқәшәара ақьалаҿы, аиҩкаагатә ԥарда аԥхьа ахьы иалху акәырбаннагарҭа иргылеит, 27 Иегова ишиеиҳәаз еиԥш, уа афимиам рбылларц азы.
28 Иԥшьоу ақьала аҩналарҭаҿы аԥарда кнеиҳаит.
29 Иԥшьоу ақьала, аиқәшәара ақьала, аҩналарҭаҿы Моисеи акәырбанқәа ахьырбылуа акәырбаннагарҭа иргылеит, уа ирбылуа акәырбанқәеи кәырбанс инарго ачеи наргаларц азы, Иегова ишиеиҳәаз еиԥш.
30 Анаҩс аиқәшәара ақьалеи акәырбаннагарҭеи рыбжьара ачан иргылан, аӡы ҭеиҭәеит. 31 Моисеии Ааро́н иԥацәеи иареи уи аӡала рнапқәеи ршьапқәеи рыӡәӡәон. 32 Дара аиқәшәара ақьала иҩналаанӡа ма акәырбаннагарҭа ааигәара инеиаанӡа рҽырыӡәӡәон, Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш.
33 Аҵыхәтәаны иԥшьоу ақьалеи акәырбаннагарҭеи иаарыкәыршаны ашҭа ҟаиҵеит, ашҭа аҭаларҭаҿгьы аԥарда кнеиҳаит.
Убасала Моисеи аус зегь хиркәшеит. 34 Убасҟан аԥҭа аиқәшәара ақьала хнаҩан, Иегова ихьӡ-иԥша иԥшьоу ақьала ааҩннарҭәааит. 35 Моисеи аиқәшәара ақьала дзыҩналаӡомызт, избанзар ақьала аԥҭа ахагылан, Иегова ихьӡ-иԥшагьы иԥшьоу ақьала ҩннарҭәаауан.
36 Иԥшьоу ақьала аҟынтә аԥҭа анышьҭыҵлак, израильаа амҩа иқәлон. Ацәҳәыра иахьынӡақәыз дара убас ҟарҵон. 37 Аԥҭа шьҭымҵыр, амҩа иқәлаӡомызт уи шьҭыҵаанӡа. 38 Израильаа ацәҳәыра иахьынӡықәыз, иԥшьоу ақьала аханы ҽынла Иегова иԥҭа рбон, уахынла — амца.