Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ауриацәа 2
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Ауриацәа. Ахҳәаа

      • Ишәаҳауа еиҳагьы шәлымҳа кыдҵаны шәазыӡырҩла (1—4)

      • Анцәа Иисус инапаҵаҟа зегь ҟаиҵеит (5—9)

      • Иисус иашьцәеи иареи (10—18)

        • Аиқәырхара зылшо Аԥхьагылаҩ (10)

        • Арыцҳашьара аазырԥшуа аԥшьаҩ хада (17)

Ауриацәа 2:1

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 60

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    11/2018, ад. 11

Ауриацәа 2:10

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    Аиҭага «Адунеи ҿыц», ад. 431

Ауриацәа 2:13

Албаагақәа

  • *

    Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ауриацәа 2:14

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш»,

    1/5/2015, ад. 10

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ауриацәа 2:1–18

Ауриацәа рахь

2 Убри аҟынтә иҳаҳауа еиҳагьы ҳлымҳа кыдҵаны ҳазыӡырҩлароуп, ҳамҩахымҟьарц азы. 2 Анцәа ҳабацәеи урҭ рабацәеи амаалықьцәа рыла иреиҳәоз ажәақәа ԥсахрак, еицакрак рықәмызҭгьы, насгьы азакәан еилазгоз, имӡырҩуаз ауаҩы иқәнага дақәдыршәозҭгьы, 3 нас, ари аҩыза аиқәхара ду ахә ҳамшьар, ахьырхәра ҳзацәцома? Уи аиқәхара аӡбахә раԥхьа Иҳақәиҭу иҳәон, иажәақәа заҳаз уи шьақәдырӷәӷәеит. 4 Анцәагьы аџьашьахәқәеи, узыршанхо аусқәеи, адыргақәеи ҟаҵо, насгьы игәы иаҭахны имаҵзуҩцәа иԥшьоу адоуҳа рыҭо, урҭ ажәақәа шьақәирӷәӷәеит.

5 Анцәа амаалықьцәа ракәӡам иааираны иҟоу зыӡбахә ҳҳәо адгьыл иахаиргылаз. 6 Зны аӡәы абас иҩит: «Кыр даԥсоума ауаҩы, уи уизхәыцлартә еиԥш, ауаҩытәыҩса иԥагьы, уи уихӡыӡаалартә еиԥш? 7 Уара уи амаалықьцәа раасҭа маҷк деиҵаны дургылеит, ахьӡ-аԥша иуҭеит, ушамҭақәагьы дырхаургылеит, 8 зегьы ишьапаҿы ишьҭоуҵеит». Анцәа уи инапаҵаҟа зегь ҟаиҵеит азы, инапаҵаҟа иҟам ҳәа акгьы ыҟам. Аха ҳара макьана иаҳбаӡом иара инапаҵаҟа зегь шыҟоу. 9 Аха иаҳбоит амаалықьцәа раасҭа маҷк еиҵаны иргылаз Иисус уажәы ахьӡ-аԥша шиаҭәашьоу, агәаҟрақәа зегь ихганы, дахьыԥсыз азы. Анцәа иааирԥшыз ҳзыԥсам ақьиара абзоурала иара зегьы рзы дыԥсит.

10 Зегьы Анцәа изоуп изыҟоу, иара илоуп зегь шыҟоугьы. Анцәа имаҷҩымкәа иԥацәа ахьӡ-аԥша риҭарц азы, Аԥхьагылаҩ хада днаӡаны дҟазҵоз агәаҟрақәа ихигароуп ҳәа иԥхьаӡеит, урҭ аԥацәа реиқәырхара зылшо иакәны дҟаиҵарц азы. 11 Иисус иԥшьаны иҟаиҵои иареи абык иоуп ирымоу, убри азоуп урҭ сашьцәа ҳәа раҳәара дзацәыԥхамшьо. 12 Иара иҳәоит: «Сара уара ухьӡ сашьцәа идсырҳауеит, аизара агәҭаны ашәа ҳәо уҳарасклоит». 13 Иара убас иҳәоит: «Сара иара сиқәгәыӷлоит». Иҵегь иҳәоит: «Иегова* исиҭаз ахәыҷқәеи сареи».

14 Урҭ ахәыҷқәа уаауп азы, иаргьы дуаҩны дҟалеит, иԥсра абзоурала иара ауаа аԥсра рзаазго — Аџьныш — дииааирц азы, 15 насгьы аԥсра иацәшәо зегьы адунеи иқәнагалеижьҭеи итҟәаны измоу ашәара аҟынтә рхы иақәиҭитәырц азы. 16 Иара дзыцхраауа амаалықьцәа ракәӡам, Авраам ихылҵыз роуп. 17 Убри аҟынтә иара зегь рыла иашьцәа дреиԥшхар акәхеит, Анцәа имаҵ аураҿы арыцҳашьареи аӡырҩреи аазырԥшуа ԥшьаҩ хаданы дҟаларц азы. Убасала иара ауаа рыгәнаҳақәа рзы акәырбан наганы, Анцәеи дареи еинирнаалеит. 18 Иара аԥышәара аан агәаҟрақәа ихигахьеит азы, аԥышәарақәа ирықәшәо дрыцхраар илшоит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра