Ауриацәа рахь
3 Абас, иԥшьоу сашьцәа, ажәҩан ахь ааԥхьара змоу, шәизхәыц апостолк иаҳасабала, ԥшьаҩ хадак иаҳасабала иҳадаҳкылаз Иисус. 2 Иара уи амаҵзура инапы ианызҵаз иҳәатәы дықәныҟәон, Анцәа иҩнаҿы Моисеи Анцәа иҳәатәы дшықәныҟәоз еиԥш. 3 Аха Иисус Моисеи иаасҭа аҳаҭыр даԥсоуп, аҩны зыргылаз иргылаз аҩны аасҭа аҳаҭыр дшаԥсоу еиԥш. 4 Иарбан ҩнызаалак аргылаҩ дамоуп, аха зегь зыргылаз Анцәа иоуп. 5 Моисеи Анцәа иҩнаҿы зегь рыла Анцәа иҳәатәы иқәныҟәоз маҵуҩын, имаҵзурагьы аԥхьаҟа зыӡбахә рҳәараны иҟаз аанарԥшуан. 6 Христос иакәзар, Анцәа иҩны иахаргылаз, аӡырҩра аазырԥшуаз аԥа иакәын. Уи аҩны — ҳара ҳауп, ҳазхыҽхәо агәыӷра аҵыхәтәанынӡа ҳҽаларԥсны иаҳкызар, насгьы уи агәыӷра аӡбахә ҳамшәаӡакәа иаҳҳәозар.
7 Убри азоуп иԥшьоу адоуҳала изҳәаз: «Шәизыӡырҩызҭгьы иахьа, абарҭ ажәақәа зҳәо: 8 „Шәҳәатәы иашәмыргалан, шәабацәа сгәы анԥыржәаз, ацәҳәыраҿы санԥыршәоз аҽны ишыҟаз еиԥш. 9 Дара сԥыршәон, 40 шықәса рыҩныҵҟа сусқәа шырбозгьы. 10 Убри азоуп ари абиԥара зысцәымыӷхаз, иагьзысҳәаз: ‚Урҭ ргәы иаҭаху ауп иҟарҵо, сымҩақәа рыздырӡом‘. 11 Убри аҟынтә сара сгәы ԥжәаны абас сқәит: ‚Урҭ сыԥсшьарҭаҭыԥ ахь инеиӡом‘“».
12 Шәгәышәҽаныз, сашьцәа, зыԥсы ҭоу Анцәа шәицәыхарамхарц азы, уи иахҟьаны шәгәаҭа цәгьамхарц, шәхаҵарагьы шәцәымӡырц азы. 13 Иахьатәи амш ыҟанаҵы есыҽны шәгәы шьҭибахла, шәызжьар алшо агәнаҳа иахҟьаны зҳәатәы иазырго шәакәны шәҟамларц азы. 14 Избанзар аԥхьанатә иҳамаз агәрагара аҵыхәтәанынӡа ианаҳахьчо ауп Христос иоуз ҳаргьы ианҳауа. 15 Иаными: «Шәизыӡырҩызҭгьы иахьа, абарҭ ажәақәа зҳәо: „Шәҳәатәы иашәмыргалан, шәабацәа сгәы анԥыржәаз ишыҟаз еиԥш“».
16 Анцәа ибжьы шраҳазгьы, игәы ԥызжәада? Изусҭцәадаз дара? Моисеи Египет иалигаз зегь ракәӡамзи? 17 Анцәа 40 шықәса ицәымӷдаз? Агәнаҳа ахьыҟарҵоз азы ацәҳәыраҿы иԥсыз ракәӡамзи? 18 Сыԥсшьарҭаҭыԥ ахь шәнеиӡом ҳәа дықәны изеиҳәадаз? Иҳәатәы хазымҵоз ракәӡамзи? 19 Ааи, ҳара иаҳбоит ахаҵара ахьрымамыз азы урҭ Анцәа иԥсшьарҭаҭыԥ ахь ишзымнеиз.