Ауриацәа рахь
9 Уаанӡатәи аиқәшаҳаҭра иаман Анцәа имҵахырхәара иадҳәалаз азакәанқәеи адгьыл аҿы иԥшьоу аҭыԥи. 2 Уи ақьала ҩ-ҟәшак аман. Актәи аҟәшаҿы иҟан алашарбагеи, астоли, иԥшьоу ачеи*. Уи аҟәша Иԥшьоу аҭыԥ ахьӡын. 3 Аҩбатәи аԥарда ашьҭахь Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ захьӡыз аҟәша ыҟан. 4 Уа ахьы иалхыз афимиамҭреи зганқәа зегьы хьыла ихҟьаз аиқәшаҳаҭра аковчеги ыҟан. Аковчег иҭан аманна зҭаз ахьы иалхыз аҟәџьали, ишәҭны иҟаз Ааро́н илабашьеи, Анцәа изакәанқәа* зныз ахаҳә ҟьаԥсқәеи. 5 Аковчег улаԥш хызкуаз ахерувимцәа ықәгылан, урҭ рыгага аинышәара ахҩа ианубаалон. Аха уажәы уи иадҳәалоу акәамаҵамарақәа зегьы рылацәажәара иаамҭам.
6 Убас ауп зегь шыҟаҵаз. Убри аахижьҭеи аԥшьаҩцәа есыҽны актәи ауада иҩналоит, рмаҵзура нарыгӡарц азы. 7 Аҩбатәи аҟәшахьы иҩнало аԥшьаҩ хада заҵәык иоуп. Иара уахь шықәсык ахь знык ауп даныҩнало, ашьа мгакәагьы дыҩналаӡом. Иара уи ашьа ихази ажәлар ирзымдырӡакәа иҟарҵо агәнаҳақәа рзи инеигоит. 8 Убасала иԥшьоу адоуҳа еилыкка иаҳнарбоит актәи ақьала ыҟанаҵы иԥшьоу аҭыԥ* ахь амҩа шаартымыз. 9 Уи ақьала уажәы иҟоу аанарԥшуеит. Анцәа уажәгьы аҳамҭақәеи акәырбанқәеи изнаргоит. Аха урҭ аҳамҭақәеи акәырбанқәеи Анцәа имҵахырхәо иламыс аҵыхәтәанынӡа ирызрыцқьаӡом. 10 Урҭ аҳамҭақәеи акәырбанқәеи зыдҳәалоу афатәи, ажәтәи, аҽыӡәӡәареи* роуп. Уи зегьы закәанла иҟаҵатәыз ак акәын, ацәеижь иадҳәалан, насгьы зегь арҽеиразы иалхыз аамҭа ааиаанӡа ус иҟазар акәын.
11 Аха Христос иҳаухьоу абзиарақәа ҳаурц азы ԥшьаҩ хадас данаа, еиҳа еиҳау, инаӡоу, ауаҩ инапала иҟаҵам ақьала дыҩналеит, уи ахьыҟоу адгьыл аҿы акәӡам. 12 Иара иԥшьоу аҭыԥ аџьмақәеи ацәҵысқәеи ршьа иманы акәӡам дшыҩналаз, ишьа иманы ауп дшыҩналаз. Иара уи знык ауп ианыҟаиҵа. Уи ала наӡаӡатәи ахақәиҭра ҳзааигеит*. 13 Аџьмақәа ршьеи, ацәқәа ршьеи, ақаблақәа рыццышәи иҟьашьу ауаа Анцәа иҿаԥхьа ицқьаны, иԥшьаны иҟанаҵозар, 14 шаҟа еиҳаузеи Христос ишьа иамоу амч! Наӡаӡатәи адоуҳа анапхгара ала иара гра змам акәырбан еиԥш Анцәа ихы изнеигеит. Иара ишьа уаанӡа иҟаҳҵақәоз аус цәгьақәа рҟынтә ҳаламыс арыцқьоит, зыԥсы ҭоу Анцәа имаҵ аура ҳалшарц азы.
15 Убри азоуп иара аиқәшаҳаҭра ҿыц цҳаражәҳәаҩыс дзамоу. Иара цҳаражәҳәаҩыс дҟалеит, ааԥхьара змоу изқәыргәыӷу наӡаӡатәи аԥсҭазаара роурц азы. Уи зегь зыбзоурахаз иара иԥсрала урҭ ахьҿихыз, насгьы уаанӡатәи аиқәшаҳаҭра аҵаҟа иҟарҵахьаз аус цәгьақәа рҟынтә рхы иахьақәиҭитәыз ауп. 16 Аиқәшаҳаҭра анрыбжьарҵо, аиқәшаҳаҭра бжьазҵаз ауаҩы* дыԥсыроуп, 17 избанзар аиқәшаҳаҭра аус аура ианалаго аԥсра ашьҭахь ауп. Ибжьазҵаз иԥсы ҭанаҵы, уи амч амаӡам. 18 Убри аҟынтә уаанӡатәи аиқәшаҳаҭра ашьа акаҭәара ала ауп аус аура ишалагаз. 19 Моисеи азакәан иану аԥҟарақәа зегьы ажәлар ианрылеиҳәа, ацәҵысқәа ршьеи, аџьмақәа ршьеи, аӡи, иҟаԥшьы-уаркалеиуаз аласеи, аиссопи ганы, аиқәшаҳаҭра ашәҟәи ажәлари ирықәирԥҟҟан, 20 ус иҳәеит: «Ари — аиқәшаҳаҭра аус азыруа ашьа ауп. Анцәа иҭахуп уи аиқәшаҳаҭра нашәыгӡаларц». 21 Убасҵәҟьа иара иԥшьоу ақьалеи амаҵзураҿы рхы иадырхәо амаҭәахәқәеи ашьа рықәирԥҟҟеит. 22 Закәанла ашьа шамахамзар зегь арыцқьоит, ашьа камҭәакәа ауаа рыгәнаҳақәа ранажьхом.
23 Ажәҩан аҿы иҟоу иеиԥшу — аԥстәқәа ршьала ирыцқьалатәын, ажәҩан аҿы иҟоу акәзар, акырӡа еиӷьу акәырбанқәа аҭахуп. 24 Христос дзыҩналаз иԥшьоу аҭыԥ ажәҩан аҿы иҟоу иеиԥшу, напыла иҟаҵоу аҭыԥ акәӡам. Иара ажәҩан ахаҭахьы ауп дахьнеиз, ҳара ҳзы Анцәа иҿаԥхьа дгыларц азы. 25 Аԥшьаҩ хада есышықәса иԥшьоу аҭыԥ дыҩналоит, инеигогьы ишьа акәӡам, аԥстәқәа ршьоуп. Христос иакәзар, акырынтә ихы кәырбанс инеигалар акәӡам. 26 Мамзар иара адунеи анышьақәыргылаз инаркны* имаҷымкәа агәаҟрақәа ихигалар акәхон. Аха уажәы, ари аамҭа аҵыхәтәаны*, иара знык ауп данаа, ихы кәырбанс иҟаҵаны, агәнаҳа аҵыхәтәа ԥиҵәарц азы. 27 Ауаа знызаҵәык ишыԥсуа еиԥш, уи ашьҭахь аӡбара шырзыԥшу еиԥш, 28 Христосгьы знык ауп ихы кәырбанс иахьнеигаз, ирацәаҩны ауаа рыгәнаҳақәа рхихырц азы. Аҩынтә раан иара дзаауа агәнаҳа ықәигарц азы акәӡам, иара дзаауа згәы хыҭхыҭуа изыԥшу еиқәирхарц азоуп.