Ақәҵра
16 Нас дара Ели́мынтәи иқәҵит. Египет ианалҵ ашьҭахь аҩбатәи амза жәохәтәи амш аҽны израильаа Ели́ми Синаии рыбжьара ишьҭоу ацәҳәыра Син ахь инеит.
2 Ацәҳәыраҿы израильаа зегьы Моисеии Ааро́ни рахь агәынамӡара аадырԥшуа иалагеит. 3 Дара ирҳәон: «Египет акәац зҭаз ачуанқәа ҳанрыдтәалаз, ҳазхара ача анаҳфоз Иегова ҳаишьыр еиҳа еиӷьымзи. Шәара ари ацәҳәырахь ҳаажәгеит, ажәлар зегьы амла иарганы ишәшьырц азы».
4 Усҟан Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Сара ажәҩан аҟынтә ақәеиԥш ача ласышьҭуеит. Ауаагьы есыҽны ицаны, мышказы шаҟа рҭаху еизыргалоит. Убасала сара урҭ ԥысшәоит, сзакәан иқәныҟәалоу-иқәымныҟәалоу еилыскаауеит. 5 Афбатәи амш аҽны абжьааԥны аасҭа ҩынтә еиҳаны еизыргааит, ҩымш ирфашагьы ҟарҵааит».
6 Моисеии Ааро́ни израильаа зегьы ус рарҳәеит: «Ахәылбыҽха шәара еилышәкаауеит Египет шәалызгаз Иегова шиакәу. 7 Ашьжьымҭан Иегова ихьӡ-иԥша жәбоит, избанзар Иегова иаҳаит иара иахь агәынамӡара шаашәырԥшуа. Ҳара ҳазусҭцәада, ҳара ҳахь агәынамӡара аашәырԥшыртә еиԥш?» 8 Анаҩс Моисеи иациҵеит: «Ахәылбыҽха Иегова акәац аншәиҭалак, ашьжьымҭан — шәызхара ача, усҟан еилышәкаауеит Иегова ишиаҳаз иара иахь агәынамӡара шаашәырԥшуа. Ҳара ҳазусҭцәада? Шәара агәынамӡара ахьаашәырԥшуа ҳара ҳахь акәӡам, Иегова иахь ауп».
9 Анаҩс Моисеи Ааро́н ус иеиҳәеит: «Израильаа зегьы абас раҳә: „Иегова иҿаԥхьа шәеиза, избанзар иара шәгәынамӡара иаҳаит“». 10 Ааро́н урҭ ажәақәа израильаа ианреиҳәа, дара наҳәын, ацәҳәырахь иԥшит, усҟан аԥҭа шьаҟаҿы ицәырҵыз Иегова ихьӡ-иԥша рбеит.
11 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 12 «Сара исаҳаит израильаа агәынамӡара шаадырԥшуа. Урҭ абас раҳә: „Аилашәшәымҭаз* шәара акәац шәфалоит, ашьжьымҭан шәызхара ача шәоуеит. Убасҟан еилышәкаауеит сара Шәынцәа Иегова шсакәу“».
13 Ахәылбыҽха а́чақәа ԥырны иаан, алагер иахыҵәеит, ашьжьымҭан алагер акәша-мыкәша аӡаӡа леит. 14 Аӡаӡа анықәба, адгьыл аҿы аҵааԥшқа иеиԥшыз, иссаз ак аанхеит. 15 Израильаа уи анырба, „изакәи ари?“ ҳәа аӡәи-аӡәи еизҵаауа иалагеит, избанзар изакәыз рыздырӡомызт. Моисеи ус реиҳәеит: «Ари Иегова ишәиҭаз ача ауп. 16 Абар Иегова ииҳәаз: „Дасу шаҟа изыфо еизигалааит. Шәқьалаҿы инхо рыцыԥхьаӡа гомо́рк-гомо́рк* еизыжәгала“». 17 Израильаа убас иагьыҟарҵеит. Дара уи ача еизыргеит, аӡәы еиҳаны еизигеит, даҽаӡәы еиҵаны. 18 Аха еизыргаз агомо́р ала ианыршәа, еиҳаны еизызгаз амцхә имаӡамызт, еиҵаны еизызгаз изхашаз иман. Убасала, дасу шаҟа изыфоз иман.
19 Моисеи ус реиҳәеит: «Шьыжьынӡа акгьы ааншәмыжьын». 20 Аха шьоукы Моисеи изымӡырҩӡакәа, ача шьыжьынӡа иаанрыжьит. Уи ахәа иркит, афыҩгьы го иалагеит. Убри аҟынтә Моисеи урҭ игәы рзыԥжәеит. 21 Есышьыжь дара ача еизыргон, дасу шаҟа изыфоз еизигон. Амра ашра ианалагалак, уи ӡыҭуан.
22 Афбатәи амш аҽны дара ҩынтә еиҳаны еизыргеит, рыцыԥхьаӡа ҩба-ҩба гомо́р. Ажәлар реиҳабацәа зегьы неин, уи Моисеи иарҳәеит. 23 Иара ус реиҳәеит: «Абар Иегова ииҳәаз: „Уаҵәы аԥсшьара иамшуп*, Иегова изку иԥшьоу сабшоуп. Иӡтәу жәӡы, ижәтәу жәжәы, иаанхо шьыжьынӡа ишәҵәахы“». 24 Дара Моисеи ишиҳәаз еиԥш, уи шьыжьынӡа иаанрыжьит, аха ача афҩы мгаӡеит, ахәагьы ирымкӡеит. 25 Моисеи ус реиҳәеит: «Иахьа уи шәфала, избанзар иахьа Иегова изку сабшоуп. Убри аҟынтә адгьыл аҿы акгьы шәзыԥшааӡом. 26 Шәара фымш ача еизыжәгалоит, абыжьбатәи амш аҽны, асабшазы, уи ҟалаӡом». 27 Ус шреиҳәазгьы, шьоукы абыжьбатәи амш азгьы ача еизыргоит ҳәа ицеит, аха акгьы рзымԥшааӡеит.
28 Усҟан Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Шаҟа аамҭа еилажәгалозеи сыԥҟарақәеи сзакәанқәеи? 29 Иегова асабша шшәиҭаз шәхашәмыршҭлан. Убри азоуп афбатәи амш азы ҩымш ишәызхаша ача зшәиҭо. Абыжьбатәи амш аҽны дасу иҩны даанхааит, џьаргьы дымцааит». 30 Усҟан ажәлар абыжьбатәи амш аҽны асабша азгәарҭо* иалагеит.
31 Израильаа уи ача аманна* ахьӡырҵеит. Уи шкәакәан, ԥшрала ахәысхәа* ажәла иеиԥшын, гьамала ацха змоу ачаџь иеиԥшын. 32 Моисеи иҳәеит: «Абар Иегова ииҳәаз: „Гомо́рк аманна еизганы, иҵәахны ишәымаз, иааиуа абиԥарақәа Египет шәаналызгаз, ацәҳәыраҿы ишәҿасҵоз ача рбаларц азы“». 33 Моисеи Ааро́н ус иеиҳәеит: «Аҟәџьал аашьҭыхны, гомо́рк аманна ҭаԥса, нас инаганы Иегова иҿаԥхьа иргыл, абиԥарақәа зегьы имырӡкәа иааргаларц азы». 34 Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш, Ааро́н уи ашаҳаҭра* аҿаԥхьа иргылеит, имырӡкәа иааргаларц азы. 35 Израильаа аманна 40 шықәса ирфон, ауаа ахьынхоз адгьыл ахь инеиаанӡа. Дара аманна рфон Ханаа́н аҳәаақәа рҟынӡа инеиаанӡа. 36 Агомо́р ае́фа* ажәабатәи ахәҭа ауп.