Есфирь
2 Аамҭа анца, аҳ Ахашверо́ш игәыԥжәара анеиқәтәа, Вашти́ иҟалҵази лус шыӡбахази игәалашәеит. 2 Усҟан аҳ имаҵ зуаз ачынуаа ус рҳәеит: «Изырыԥшааит аҳ ахаҵа дзымбац иԥшӡоу аҭыԥҳацәа. 3 Иалихааит аҳ иаҳҭынра аҵаҟа иҟоу апровинциақәа зегьы рҿы зыгәра иго ауаа. Дара иԥшӡоу аҭыԥҳацәа сузатәи абааш аҿы еизыргааит, аҳәса рыҩнаҿы*. Урҭ аҳ иаҳҭынраҿы аҳәса зыхьчо аевнух Гега́и дырхылаԥшлааит, иара убас акосметикатә процедурақәа* рзыҟарҵалааит. 4 Аҳ зегь раасҭа игәаԥхо аӡӷаб Вашти́ лҭыԥан даҳкәажәхааит». Аҳ иаҳаз игәаԥхан, убас иагьыҟаиҵеит.
5 Сузатәи абааш аҿы дыҟан уриак*, Вениамин ишьҭра иатәыз Мардохе́и зыхьӡыз хаҵак. Иара Киш иԥа Шиме́и иԥа Иаи́р иԥа иакәын. 6 Уи вавилонтәи аҳ Навуходоно́сор Иерусалимынтәи дытҟәаны дигеит, иудеиатәи аҳ Иехо́ниеи егьырҭ ауааи тҟәаны ианигоз. 7 Мардохе́и иаб иашьа иԥҳа Гада́сса*, даҽакала иуҳәозар Есфи́рь, диааӡон, избанзар лара ангьы длымамызт, абгьы длымамызт. Есфи́рь лҭаацәа анԥсы, Мардохе́и уи ааӡара дигеит. Уи аӡӷаб зегь рыла деинаалан, даараӡа дыԥшӡан. 8 Аҳ иусԥҟа зегьы ианрыларҳәа, сузатәи абааш аҿы аӡӷабцәа рацәаҩны еизырган, аҳәса ирхылаԥшуаз Гега́и инапы ианырҵеит. Есфи́рьгьы аҳҭынрахьы днаргеит.
9 Гега́и Есфи́рь дигәаԥхеит, иразрагьы* лырҳаит, убри аҟынтә иара иаразнак адҵа ҟаиҵеит акосметикатә процедурақәа лзыҟарҵаларц, фатәыс илырҭалашагьы реиҳәеит. Иара убас аҳ иҩны аҟынтә быжьҩык аӡӷабцәа лзалихын, ларгьы даргьы аҳәса рыҩнаҿы иҟаз иреиӷьыз аҭыԥ ахь ииаигеит. 10 Есфи́рь лыжәлари лҭынхацәеи рыӡбахә аӡәгьы иалҳәаӡомызт, избанзар Мардохе́и ибымҳәан ҳәа леиҳәеит. 11 Мардохе́и Есфи́рь дшыҟоу, насгьы лгәы бзиоу-ибзиаму еиликаарц азы аҳәса рыҩны ашҭа аԥхьа есыҽны днеиааиуан.
12 Аӡӷабцәа зегьы 12 мзы иақәнагаз акосметикатә процедурақәа рзыҟарҵон. Уи ашьҭахь зегьы аӡәаӡәала аҳ Ахашверо́ш иахь иҩналон. Дара фымз амассаж амирра иалхыз ахәша ала ирзыҟарҵон, фымз — афҩы хаа змаз аҳаскьын иалхыз ахәшеи егьырҭ ахәшақәеи рыла. 13 Уи ашьҭахь аӡӷаб аҳ иахь аҩналаразы дмазеин. Аӡӷаб аҳәса рыҩны аҟынтә аҳ иҩныҟа данцоз, иаалҳәоз зегь лырҭон. 14 Ахәылбыҽха лара аҳ иахь дыҩналон, ашьыжь — аҳҭынраҿы аҳәса ирхылаԥшуаз аевнух Шаашга́з инапы ианыз аҳәса рзы иҟаз аҩбатәи аҩнахьы дцон. Лара уаҳа аҳ иахь дыҩналаӡомызт. Аха даараӡа дигәаԥхазҭгьы, длыԥхьар илшон.
15 Уажәшьҭа Мардохе́и иаб иашьа Авихаи́л иԥҳа — Мардохе́и ааӡара иигаз Есфи́рьгьы — аҳ иахь аҩналаразы дмазеин. Лара дзыҳәаз аҳҭынраҿы аҳәса ирхылаԥшуаз аевнух Гега́и илабжьигаз заҵәык ауп. (Есфи́рь дызбоз зегьы дыргәаԥхон.) 16 Ажәабатәи амзазы, теве́т* амзазы, Ахашверо́ш аҳра аниуаз абыжьбатәи ашықәсазы, Есфи́рь аҳҭынрахьы днаргеит. 17 Аҳ Есфи́рь егьырҭ аҳәса зегь раасҭа бзиа дибеит. Иара уи даара дигәаԥхон, егьырҭ аӡӷабцәа зегь раасҭа лыхә ҳаракны ишьон*. Иара Есфи́рь аҳкәажә лхаҵа лхеиҵан, Вашти́ лҭыԥан даҳкәажәны дҟаиҵеит. 18 Аҳ иҭауадцәеи имаҵуцәеи зегьы рзы ачара ду иуит, лымкаала Есфи́рь лзы. Иара апровинциақәа зегьы рҿы ахақәиҭра* рылеиҳәеит, аҳ ишиаҭәаз еиԥшгьы аҳамҭақәа ҟаиҵеит.
19 Аӡӷабцәа* еиҭах ианеизыргоз, Мардохе́и аҳҭынра агәашә аҿы дтәан*. 20 Есфи́рь лыуацәеи лыжәлари рыӡбахә аӡәгьы изеиҭалҳәаӡомызт, Мардохе́и ишлеиҳәаз еиԥш. Лара анаҩсгьы Мардохе́и дизыӡырҩуан, даниааӡоз ишыҟалҵоз еиԥш.
21 Мардохе́и аҳҭынра агәашә аҿы дантәаз амшқәа рзы аҳ ичынуаа Бигта́ни Тере́ши, агәашәхьчаҩцәа ҩыџьа, аҳ Ахашверо́ш игәаӷ ркын, дыршьырц рыӡбеит. 22 Аха Мардохе́и уи еиликаан, иаразнак аҳкәажә Есфи́рь илзеиҭеиҳәеит, ларгьы Мардохе́и ииҳәаз ҳәа инаганы аҳ зегь изеиҭалҳәеит. 23 Аус ҭырҵааит. Ус ишыҟаҵәҟьаз анышьақәырӷәӷәаха, урҭ ҩыџьа ахацәа ашьаҟа икыдҵаны иршьит. Уи зегь аҳ ишибоз аҭоурыхқәа рышәҟәы ианырҵеит.