Руфь
4 Боа́з ақалақь агәашә ахь дцан, уа днатәеит. Ус, зыӡбахә иҳәахьаз Елимеле́х иуа диасны дышцоз аниба, инаиқәҿиҭын, абас иҳәеит: «Ара уааины уаатәа». Иаргьы днеин, днатәеит. 2 Нас Боа́з 10-ҩык ақалақь аиҳабацәа даарыԥхьан, ус реиҳәеит: «Ара шәаатәа». Даргьы натәеит.
3 Боа́з аҿыхра азин змаз Елимеле́х иуа ус иеиҳәеит: «Моа́вынтәи ихынҳәыз Ноеми́нь ҳашьа Елимеле́х идгьыл лҭиуеит. 4 Сара уи уаҳәатәуп ҳәа сыԥхьаӡеит, насгьы ақалақь аҿы инхо ауааи аиҳабацәеи ишраҳауа иаахә ҳәа уасҳәарц сыӡбеит. Иҿухуазар, иҿых. Иҿумхуазар, исаҳә, издыруазарц азы, избанзар аҿыхра азин змоу раԥхьа уара уоуп, уара ушьҭахь — сара». «Иҿысхуеит», — иҳәеит егьи. 5 Боа́з иациҵеит: «Ноеми́нь лҿы адгьыл анааухәо, иԥсыз иԥҳәыс Моа́в иатәу Руфь лҿгьы иааухәароуп, иԥсыз ихьӡ мыӡырц, идгьылгьы ишьҭраҿы иаанхарц азы». 6 Иара иҳәеит: «Ус анакәха, исызҿыхӡом. Иҿысхыр, сыхнарҵәоит. Аҿыхра азин уара иусҭоит, избанзар сара исызҿыхӡом».
7 Жәытә-натә аахыс Израиль иҟан аҿыхра азини аиҭныԥсахлареи ирыдҳәалаз аҵас: уск азы аиқәшаҳаҭра анрыбжьарҵоз, ауаҩы исандалеимаа ишьхны егьи ииҭон. Уи ишьақәнарӷәӷәон аиқәшаҳаҭра шрыбжьарҵаз. 8 Убри аҟынтә иара Боа́з уара иаахә ҳәа иеиҳәан, исандалеимаа ишьихит. 9 Боа́з ақалақь аиҳабацәеи ауааи ус реиҳәеит: «Шәара иахьа шәшаҳаҭуп Ноеми́нь лҿы ишаасхәо Елимеле́х иитәу зегьы, иара убас Хилео́ни Махло́ни иртәу зегьы. 10 Сара иара убас иԥсыз Махло́н иԥҳәыс Моа́в иатәу Руфь ԥҳәысс дызгоит, ихьӡ мыӡырц, идгьылгьы ишьҭраҿы иаанхарц азы, иашьцәеи иқалақь аҿы инхои* ихьӡ рхамышҭырц азы. Шәара иахьа шәшаҳаҭцәоуп».
11 Ақалақь агәашә аҿы иҟаз аиҳабацәеи ауааи еицҿакны ус рҳәеит: «Ааи, ҳшаҳаҭцәоуп! Иегова уҩны иҩнало аԥҳәыс дылзылԥхааит, израильаа зхылҵыз Рахильи Лиеи дреиԥшхааит. Ефра́фа аизҳазыӷьара угымзааит, Вифлеемгьы ухьӡ бзианы ирҳәалааит. 12 Иегова иқәыԥшу ари аԥҳәыс лҟынтә иуиҭо аҵеицәа рыла уҩны Фама́рь лҟынтә Иуда ихылҵыз Фаре́с иҩны иеиԥшхааит».
13 Боа́з Руфь ԥҳәысс диган, длыцышьҭалеит. Иеговагьы дылзылԥхеит: лара лцәалтәымкәа дҟалеит, аԥагьы длоуит. 14 Аҳәса Ноеми́нь ус ларҳәон: «Аҽхәаԥхьыӡ игымзааит иахьа бҿызхуа дбымамкәа баанзмыжьыз Иегова. Ахәыҷы ихьӡ Израиль иахыҵәааит! 15 Иара* быԥсы ҭеиҵеит, бажәра аамҭақәа раан цхырааҩыс дыбзыҟалап, избанзар дызхылҵыз бара бзы быжьҩык аԥацәа раасҭа еиӷьу, бзиа бызбо бҭаца лоуп». 16 Ноеми́нь ахәыҷы даалгәыдлыҳәҳәалеит. Лара уи длааӡон. 17 Агәылаҳәсақәа ахәыҷы ахьӡ ирҭеит. «Ноеми́нь аԥа длоуит», — рҳәан, Ове́д ихьӡырҵеит. Иара Давид иаб Иессе́и иаб иакәхеит.
18 Абар Фаре́с ихылҵқәаз*: Фаре́с дихылҵит Хецро́н; 19 Хецро́н дихылҵит Рам; Рам дихылҵит Аминада́в; 20 Аминада́в дихылҵит Нахшо́н; Нахшо́н дихылҵит Салмо́н; 21 Салмо́н дихылҵит Боа́з; Боа́з дихылҵит Ове́д; 22 Ове́д дихылҵит Иессе́и; Иессе́и дихылҵит Давид.