Лука иҟынтә ажәабжь бзиа
13 Уи аамҭазы уа иҟаз ауаа Иисус изеиҭарҳәеит Пилат аныҳәарҭаҿы иишьыз галилеиаа рыӡбахә. 2 Иара иҳәеит: «Урҭ галилеиаа егьырҭ галилеиаа раасҭа еиҳа агәнаҳа ҟарҵон ҳәа шәгәы иаанагома? 3 Мап, ус акәӡам. Аха шәыгәнаҳақәа шәырхьымхәыр, шәаргьы шәҭахоит. 4 Силоа́м икаҳаз абааш иашьыз 18-ҩык еиҳа ахара рыдын ҳәа шәгәы иаанагома, Иерусалим инхоз егьырҭ ауаа раасҭа? 5 Мап, ус акәӡам. Шәыгәнаҳақәа шәырхьымхәыр, шәаргьы шәҭахоит».
6 Анаҩс абри аҩыза аҿырԥштәы рзааигеит: «Аӡәы иӡахәаҭраҿы алаҳа изгылан. Ҽнак зны алаҳа ҿоу-иҿаму гәеиҭарц даннеи, акгьы шҿамыз ибеит. 7 Усҟан иара аӡахәааӡаҩ ус иеиҳәеит: „Хышықәса ҵуеит абра сааны, алаҳа ҿоу-иҿаму гәасҭоижьҭеи, аха акгьы ҿалаӡом. Ихҵәа наҟ, баша аҭыԥ зааннакылои“. 8 Аха аӡахәааӡаҩ иҳәеит: „Ухаҵкы, даҽа шықәсык игылаз, сара ашьапы сбаҳауеит, нас ауац асҭоит. 9 Уи ашьҭахь алаҳа ҿалар, ибзиоуп, иҿамлар, ихҵәа наҟ“».
10 Асабшаҽны Иисус асинагогаҿы ауаа Анцәа иажәа дирҵон. 11 Уа дыҟан адемонцәа ирыхҟьаны 18 шықәса ичмазҩыз аԥҳәыс. Лара лыбӷа хәан азы, лҽылзеиҵыхӡомызт. 12 Иисус уи аԥҳәыс даниба, ус леиҳәеит: «Уажәшьҭа быбзиахеит. Уаҳа бычмазаҩӡам». 13 Иисус аԥҳәыс данлылакьыс, иаразнак лыбӷа ааиҵылхит, Анцәа ирҽхәарагьы далагеит. 14 Асинагога аиҳабы Иисус уи аԥҳәыс асабшаҽны дахьихәышәтәыз иԥсахы еибанаркын, ажәлар ус реиҳәеит: «Аусуразы фымш ыҟоуп, убарҭ амшқәа раан аҽыхәышәтәразы шәаала, асабшаҽны акәымкәа». 15 Аха Иҳақәиҭу иҳәеит: «Ҩ-цәак зхарԥоу шәара! Шәыцә ма шәҽада асабшаҽны абора иҭыганы аӡы ашәмыржәӡои? 16 Нас, асабшаҽны лыхәышәтәра аҭахӡамзи Авраам ишьҭра иатәу, Аҩсҭаа 18 шықәса иргәаҟуаз ари аԥҳәыс?» 17 Ус аниҳәа, иҿагылаҩцәа ԥхашьеит, ажәлар ракәзар, иус џьашьахәқәа анырба, игәырӷьеит.
18 Иисус иациҵеит: «Изеиԥшроузеи Анцәа Иаҳра? Изыҿсырԥшыр сылшозеи уи? 19 Уи ауаҩы ибаҳчаҿы илеиҵаз ажәла сса* иаҩызоуп. Иара азҳан, иҵла духеит, аҵарақәагьы ааны, амахәқәа рҿы рыҭрақәа ҟарҵеит».
20 Иара убас Иисус иҳәеит: «Изыҿсырԥшыр сылшозеи Анцәа Иаҳра? 21 Уи амажәарҵәыга иаҩызоуп. Аԥҳәыс уи 10 кьылак ачашыла иалалкәаҳан, амажәа зегь арчит».
22 Иисус Иерусалимҟа данцоз, қалақьи-қыҭеи зегьы дрылсны, ауаа Анцәа иажәа дирҵон. 23 Хаҵак Иисус ус диазҵааит: «Исықәиҭу, еиқәхо маҷҩык роума?» Иисус ус иҳәеит: 24 «Ишәылшо зегь ҟашәҵала, ашә ҭшәа ала шәыҩналарц азы. Сара ишәасҳәоит: иҩналарц зҭаххо рацәаҩхоит, аха изыҩналаӡом. 25 Аԥшәма ашә анаирклак, шәара адәахьы шәынхоит. Ашә шәасуа, ус шәҳәоит: „Ухаҵкы, ашә ҳзаарт“. Аха иара иҳәоит: „Сара шәызусҭцәоу сыздырӡом“. 26 Усҟан шәара ишәҳәоит: „Ҳара акрыуцаҳфон, акрыуцаҳжәуан, ҳамҩадуқәа рҿы аҵара ҳурҵон“. 27 Аха иара ишәеиҳәоит: „Шәызусҭцәоу сыздырӡом. Шәца наҟ шәысԥырҵны, аусцәгьақәа ҟазҵо зегьы!“ 28 Авраами, Исааки, Иакови, иара убас егьырҭ аԥааимбарцәа зегьы Анцәа Иаҳраҿы ишыҟоу аныжәбалак, арахь шәара адәы шәшавахаз анеилышәкаалак, шәхаԥыц аҿҿа арго шәҵәыуалоит. 29 Мрагыларантәи, мраҭашәарантәи, ладантәи, ҩадантәи ауаа ааны, Анцәа Иаҳраҿы астол иахатәоит. 30 Ашьҭахь игылоу шьоукы ԥхьаҟа иаауеит, аԥхьа игылоу шьоукы шьҭахьҟа ицоит».
31 Уи аамҭазы афарисеицәа шьоукы Иисус инаидгылан, ус иарҳәеит: «Наҟ уцар еиҳа еиӷьуп, И́род уишьыр иҭахуп». 32 Иисус иҳәеит: «Шәцаны уи агызмал* абас сызиашәҳәа: „Сара иахьагьы, уаҵәгьы ауаа адемонцәа рхысцалоит, исхәышәтәлоит, ахымш раан сус салгоит“. 33 Аха сара иахьагьы, уаҵәгьы, уаҵәашьҭахьгьы сус нагӡо Иерусалимҟа сцалароуп, избанзар аԥааимбар Иерусалим акәымкәа, даҽаџьара дыршьуа ҟалашьа амам. 34 Иерусалим, Иерусалим, уара аԥааимбарцәа ушьуеит, Анцәа иузынаишьҭуа ауаагьы ахаҳә иаургоит... Аҟәарҭ акәҷарақәа еизганы амҵәыжәҩақәа ишырхәыҵанакуа еиԥш, шаҟантә ухәыҷқәа ԥхьаскырц сҭахызи! Аха шәара ишәҭахымхеит. 35 Убри аҟынтә Анцәа шәыҩны аанижьуеит. Сара ишәасҳәоит: „Дныҳәоуп Иегова* ихьӡала иаауа!“ ҳәа шәҳәаанӡа уаҳа сыжәбаӡом».