Матфеи иҟынтә ажәабжь бзиа
27 Ашьыжь аԥшьаҩ еиҳабацәеи ажәлар реиҳабацәеи еизеит, Иисус дшыршьша иалацәажәарц азы. 2 Нас дҿаҳәаны, напхгаҩыс иҟаз Пилат днаганы дирҭеит.
3 Иисус дызҭииз Иуда Иисус ашьра шиқәырҵаз анеиликаа, иҟаиҵаз дахьхәын, аԥшьаҩ еиҳабацәеи ажәлар реиҳабацәеи 30 раӡны рызирхынҳәын, 4 ус иҳәеит: «Сара агәнаҳа ҟасҵеит, акгьы зхарам ауаҩы дысҭиит». Аха дара ус иарҳәеит: «Ҳара уи хьаас иҳамаӡам. Иуҭаху ҟаҵа». 5 Ус анырҳәа, араӡны ԥара аныҳәарҭа иҩнаԥсаны ддәылҵит. Нас дцан, иҽыкнеиҳаит. 6 Аԥшьаҩ еиҳабацәа икаԥсаз аԥара еизырган, ус рҳәеит: «Арҭ аԥарақәа аныҳәарҭаҿы иҟоу ахазынаҭра иҳазҭаҵаӡом, избанзар урҭ шьала ирҳау ԥароуп». 7 Ианеилацәажәа ашьҭахь, дара уи аԥарала аҳаԥшьаҟаҵаҩ идгьыл аархәеит, уа атәымуаа ржларц азы. 8 Убри инаркны уи Ишьаарҵәыроу адгьыл ҳәа азырҳәо иалагеит. Иахьагьы убас азырҳәоит. 9 Убас инаӡеит аԥааимбар Иереми́а ииҳәаз абарҭ ажәақәа: «Дара израильаа уи ауаҩ иқәырҵаз 30 раӡны рган, 10 Иегова* ишсеиҳәаз еиԥш, аҳаԥшьаҟаҵаҩ идгьыл аархәеит».
11 Иисус Пилат иахь даннарга, Пилат дҵааит: «Уара аиудеиаа раҳ уоума?» Иисус иҳәеит: «Уара ухаҭа аҭак ҟауҵеит». 12 Аха аԥшьаҩ еиҳабацәеи ажәлар реиҳабацәеи ахара анидырҵоз, иара ҿиҭуамызт. 13 Усҟан Пилат иҳәеит: «Иузырҳәо умаҳаӡои?» 14 Аха Иисус ажәакгьы имҳәаӡеит. Пилат уи даараӡа иџьеишьеит.
15 Есмшаԥы Пилат ажәлар ирҭахыз ацәгьаҟаҵаҩ доуишьҭуан. Уи ҵасс иман. 16 Убри аамҭазы Вара́вва зыхьӡыз, зегь еицырдыруаз ацәгьаҟаҵаҩ дҭакын. 17 Убри аҟынтә Пилат еизаз ажәлар дразҵааит: «Иоусышьҭрыда, Вара́вва иакәу, Христос ҳәа изышьҭоу Иисус иакәу?» 18 Пилат идыруан, Иисус иҵашьыцны дыширҭаз. 19 Уи инеиҳангьы, иӡбарҭаҭыԥ аҿы дантәаз, иԥҳәыс абас изаалыцҳаит: «Акгьы зхарам ари ауаҩ уиламкьысын, избанзар иахьа ԥхыӡла иара ихҟьаны сгәаҟуан». 20 Аха ауаа Пилат иҳәон, Вара́вва доушьҭны, Иисус дишьырц. Уи рыҵазҳәаз аԥшьаҩ еиҳабацәеи ажәлар реиҳабацәеи роуп. 21 Пилат еиҭах дразҵааит: «Рыуа иоусышьҭрыда?» — «Вара́вва», — рҳәеит дара. 22 Пилат иҳәеит: «Христос ҳәа изышьҭоу Иисус изызурызеи?» Дара еицҿакны ирҳәеит: «Ашьаҟа дкыдҵа!» 23 Иара иҳәеит: «Дзыхшәырҟьои? Цәгьарас иҟаиҵеи?» Аха дара еиҳагьы рыбжьы ҭыганы иҳәҳәон: «Ашьаҟа дкыдҵа!»
24 Пилат акгьы шалымҵуаз анеиликаа, ажәларгьы еиҳа-еиҳа рыҽшдырцәгьоз аниба, инапқәа иӡәӡәан, ус иҳәеит: «Ари ауаҩ иԥсра* сара исхараӡам, шәара шәоуп изхароу». 25 Ажәлар ари анраҳа, еицҿакны ирҳәеит: «Иԥсра ҳхәыҷқәеи ҳареи иаҳхаразааит». 26 Усҟан Пилат Вара́вва доуишьҭит. Нас Иисус ҟамчыла дыпҟаны, ашьаҟа дкыдырҵарц адҵа ҟаиҵеит.
27 Аруаа Иисус Пилат иаҳҭынрахьы дырган, ар зегь идеизыргалеит. 28 Дара Иисус ишәыз ишәыхны, амаҭәа ҟаԥшь ишәхадырԥеит, 29 амаӷ иалхны агәыргьын ҟарҵан, ихарҵеит, иарӷьа напы алаба адыркит. Нас иҿаԥхьа ишьамхышгыланы, ихыччо ирҳәон: «Бзиара умаз, аиудеиаа раҳ!» 30 Дара иҿажьцәон, лабалагьы ихы иасуан. 31 Иҵәылхра ианаҟәыҵ, ишәхарԥаз ишәыхны, имаҭәа ишәҵаны дрыманы ицеит, ашьаҟа дкыдырҵарц азы.
32 Ақалақь ианалҵуаз, Си́мон зыхьӡыз Кире́на иатәыз хаҵак дрықәшәеит. Уи Иисус дкыдырҵараны дахьыҟаз ашьаҟа даҵарҵеит. 33 Ус дара Голго́фа инеит. Уи ахьӡ «ахыбаҩ» аанагоит. 34 Иисус аҩы иашаз ак алаҭәаны ирҭеит, аха агьама ангәеиҭа, имжәӡеит. 35 Ашьаҟа данкыдырҵа, аҵәы ҭаԥсаны* рыбжьара хыхьтәи имаҭәа ршеит. 36 Нас итәаны, иҷаԥшьара иалагеит. 37 Иханы дзыхдырҟьаз анырҵеит: «Иисус, аиудеиаа раҳ».
38 Иисус ивараҿы ҩыџьа ацәгьаҟаҵаҩцәа кнаҳан: аӡәы — иарӷьарахь, егьи — иармарахь. 39 Иаҩсны ицоз иҟоу зегь изҳәо, рыхқәа рҵысуа ихыччон, 40 иагьырҳәон: «Еи, хымш рыла аныҳәарҭа рбганы изыргылоз, ухы еиқәырха! Анцәа иԥа уакәзар, ашьаҟа аҟынтә улбаа!» 41 Убасҵәҟьа ихыччон аԥшьаҩ еиҳабацәеи, азакәанрҵаҩцәеи, ажәлар реиҳабацәеи, иагьырҳәон: 42 «Егьырҭ еиқәирхон, арахь ихы изеиқәырхаӡом! Израиль аҳ иами, дылбааит ашьаҟа аҟынтә, усҟан игәра ҳгоит. 43 Иара Анцәа диқәгәыӷуан, Анцәа Иԥа соуп ҳәагьы иҳәон. Нас уиаҟара диҭахызар, дзеиқәимырхои?» 44 Наҟ-ааҟ ицкнаҳаз ацәгьаҟаҵаҩцәагьы ихыччон.
45 Шьыбжьон, асааҭ 12 шыҟаз*, уа адгьыл зегь лашьцеит, асааҭ 3-нӡагьы* алашьцара ахыҵуамызт. 46 Асааҭ 3 раҟара аныҟаз, Иисус ибжьы ҭыганы иҳәеит: «Ели́, ели́, лама́ савахфани́?» — уи иаанагоит: «Сынцәа, Сынцәа, сзаанужьзеи?» 47 Уа игылаз шьоукы уи анраҳа, ус рҳәеит: «Илиа изҿиҭуеит». 48 Урҭ руаӡәк иаразнак дыҩны дцан, абамба* абжьеи иларчачаны алаба иахеиҵан, ииржәырц далагеит. 49 Аха егьырҭ ирҳәеит: «Уиҟәаҵ! Илиа дааны деиқәирхозар ҳамбари». 50 Иисус еиҭа ибжьы ҭыганы дыҳәҳәан, дыԥсит.
51 Усҟан аԥшьаҭыԥ аҿы икнаҳаз аԥарда ахы инаркны аҵыхәанӡа иԥжәеит! Адгьылҵысра ҟалеит, ацаҟьақәагьы еиҟәжәеит. 52 Адамрақәа аатын, иԥсны иҭаз* Анцәа имаҵзуҩцәа рацәаҩны иҭыбгеит. 53 Уи збазгьы даараӡа ирацәаҩхеит. (Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь, адамрақәа рааигәара иҟаз ауаа иԥшьоу ақалақь ахь инеит). 54 Ар реиҳаби Иисус дызҷаԥшьоз аруааи иҟалаз зегь анырба, даараӡа ишәан, ирҳәеит: «Ииашаҵәҟьаны, ари Анцәа Иԥа иакәзаарын».
55 Харантәи уи зегь збоз аҳәса рацәан. Иисус Галилеиантәи данцоз даргьы иццеит, имаҵ руларц азы. 56 Урҭ рыбжьара дыҟан Мариа Магдалина, Иакови Иосифи ран Мариа, иара убас Зеведе́и иԥацәа ран.
57 Ахәылбыҽха Аримафе́иантәи амал змаз хаҵак дааит. Уи Иосиф ихьӡын. Иаргьы Иисус иҵаҩ иакәын. 58 Иара Пилат диҳәеит Иисус иԥсыбаҩ ииҭарц. Усҟан Пилат аруаа иреиҳәеит Иисус Иосиф дирҭарц. 59 Иосиф Иисус диган, ақәны цқьа иалхыз ицқьаз аба дылеиҳәеит. 60 Нас ацаҟьаҿы иҟаҵаны имаз адамра ҿыц дҭеиҵан, ахаҳә ду адыргыланы дцеит. 61 Аха Мариа Магдалинеи егьи Мариеи уа иаанхан, адамра аԥхьа итәеит.
62 Абри зегьы ҟалеит асабша рҽаназыҟарҵоз амш аҽны. Адырҩаҽны аԥшьаҩ еиҳабацәеи афарисеицәеи рҽеидкыланы Пилат иахь инеин, 63 ус рҳәеит: «Ҳара иаҳгәалашәеит ари амцҳәаҩ иԥсы анҭаз ишиҳәоз: „Хымш рышьҭахь сыԥсы ҭалоит“ ҳәа. 64 Убри аҟынтә аруаа ахԥатәи амш аҽнынӡа адамра рҷаԥшьаларц адҵа ҟаҵа. Мамзар иҵаҩцәа неины дырӷьычуеит, нас ауаа иԥсы ҭалеит ҳәа рарҳәоит. Усҟан аҵыхәтәантәи амц аԥхьатәи аасҭа еицәахоит». 65 Пилат иҳәеит: «Абар аруаа. Шәцаны ишәыхьчала». 66 Усҟан дара цан, ахаҳә амҳәыр аадырхан, аруаа аддыргылеит.