1 Пиотр
1 Сара, Пиотр, Иисус Христос иапостол соуп. Ишәзысыҩуеит ари адунеи аҿы аамҭала инхо, По́нти, Гала́тиеи, Капподо́киеи, Азиеи*, Вифи́ниеи ирыланхо. 2 Ҳаб Ҳанцәа игәы иҭеикыз инақәыршәаны шәалихит. Иара иԥшьоу идоуҳала шәиԥшьеит, шәизыӡырҩларц азы, иара убас Иисус Христос ишьала шәирыцқьарц азы.
Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи аҭынчреи шәыгымзааит.
3 Ҳара Иҳақәиҭу Иисус Христос Иаби Инцәеи дҳарҽхәалоит, избанзар иара ҳрыцҳашьаны, ҿыц ҳиртә иҟаиҵеит, зыԥсы ҭоу агәыӷра ҳаурц азы. Уи агәыӷра ҳаурц азы иара Иисус Христос иԥсы ҭеиҵеит. 4 Ҳара ҿыц ҳиит, иара ҳзықәиргәыӷыз ҳаурц азы. Уи аҳамҭа ахаангьы акгьы ахьӡом, наӡаӡа иҟазаауеит. Иара уи шәара шәзы ажәҩан аҿы иҵәахны имоуп. 5 Шәара ахаҵара аашәырԥшуеит азы, Анцәа шәеиқәирхарц азы имчала шәихьчоит. Шәшеиқәирхо аҵыхәтәантәи аамҭазы зегьы ирбарҭахоит. 6 Уи зегьы шәара агәырӷьара ду шәзаанагоит, уажәы шәзықәшәо аԥышәарақәа ирыхҟьаны шәгәы каҳауазаргьы. 7 Урҭ ауадаҩрақәа шәхаҵара ԥыршәоит. Иԥышәоу шәхаҵара Иисус Христос дшааз еилыкка ианубарҭахо аамҭазы ахьӡ-аԥша шәзаанагоит, аҽхәаԥхьыӡ шәнаҭоит. Уи аҩыза ахаҵара ахьы аасҭа ахә ҳаракуп, избанзар ахьы мцала ишыдрыцқьогьы, наӡаӡа изаанхом. 8 Шәара Христос ахаан дшышәымбацгьы, бзиа дыжәбоит. Уажәгьы шәыблала дыжәбаӡом, аха игәра жәгоит. Шәгәырӷьарагьы ҳәаак амам, 9 избанзар ахаҵара ахьаашәырԥшуа азы шәеиқәхоит.
10 Анцәа шәара шәахь иааирԥшраны иҟаз шәзыԥсам ақьиара атәы зҳәоз аԥааимбарцәа уи аиқәырхара иадҳәалоу зегьы инарҵауланы иҭырҵаауан. 11 Анцәа иԥшьоу идоуҳа ихы иархәаны урҭ иреиҳәеит Христос дгәаҟраны дшыҟаз, аха нас хьӡи-ԥшеи шиоуаз. Убри азоуп дара ааҟәымҵӡакәа Христос ихьраны иҟази уи ихьраны ианыҟаз аамҭеи аилкаара изашьҭаз. 12 Анцәа дара идеилиркааит ирҳәоз зырҳәоз дара ирыхәарц акәымкәа, шәара ишәыхәарц шакәыз. Урҭ ирыҩуаз ажәабжь бзиа шәзеиҭазҳәоз рҟынтә еилышәкааит. Дара уи ажәабжь рҳәон ажәҩан аҟынтә ироуз иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала. Убриоуп амаалықьцәа еилыркаарц ирҭахугьы.
13 Иҟашәҵараны иҟоу ҟашәҵарц азы шәҽырхианы шәыҟаз, еснагь ииашаны шәхәыцла, Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара шәақәгәыӷла. Иара уи ааирԥшуеит Иисус Христос дшааз еилыкка ианубарҭахо. 14 Анцәа данышәзымдыруаз, шәгәаҳәара ҟьашьқәа ишәыҵарҳәоз ҟашәҵон. Аха уажәшьҭа Анцәа иҳәатәы хазҵо ихәыҷқәа шәоуп, убри аҟынтә уаҳа ус ҟашәымҵалан. 15 Шәаазыԥхьаз дшыԥшьоу еиԥш, шәаргьы шәусқәа зегьы рҿы шәыԥшьаз*, 16 избанзар иануп: «Сара сыԥшьоуп азы, шәаргьы шәыԥшьазароуп».
17 Еилых ҟамҵаӡакәа зегьы рус иашаны изыӡбо Ҳаб шәиҳәозар, аамҭала ари адунеи аҿы шәынхонаҵы, шәусқәа рыла Анцәа шәышицәшәо аашәырԥшла. 18 Ишыжәдыруа еиԥш, шәабацәа рҟынтә ишәҭынхаз ҵакы змам аԥсҭазаара аҟынтә ахақәиҭра шәызҭаз ахьи араӡни реиԥш ииаӡаауа ак акәӡам. 19 Ахақәиҭра шәызҭаз зыхә ҳараку Христос ишьа ауп. Иара гра змам асыс даҩызоуп. 20 Анцәа Христос адунеи шьақәгылаанӡагьы* далиххьан, аха аамҭақәа рҵыхәтәазоуп данаа, шәара шәаҳаҭыразы. 21 Иара ибзоурала шәара иԥсы ҭазҵаз, хьӡи-ԥшеи изҭаз Анцәа дхашәҵеит, Анцәа игәра жәгаларц, шәиқәгәыӷларц азы.
22 Шәара аҵабырг ацныҟәара шәаналага шәыцқьахеит азы, еишьцәаҵас гәыкала бзиа шәеибабеит. Сшәыҳәоит, анаҩсгьы гәык-ԥсыкала бзиа шәеибабала. 23 Шәара ҿыц шәиит аԥсҭазаара узҭо, ԥсра зқәым ажәла абзоурала, зыԥсы ҭоу, наунагӡа иҟоу Анцәа иажәа ала. 24 Аҩыраҿгьы иануп: «Ауаа зегьы аҳаскьын иаҩызоуп, рыхьӡ-рыԥша адәҳәыԥш аҿы изызҳауа ашәҭ иаҩызоуп. Аҳаскьын ҩоит, ашәҭгьы каԥсоит, 25 аха Иегова* иажәа наӡаӡа иҟазаауеит». Уи ажәа ишәаҳаз ажәабжь бзиа ауп.