Ездра
7 Ԥыҭрак ашьҭахь, персиатәи аҳ Артаксе́ркс аҳра аниуаз, Е́здра* дхынҳәит. Е́здра Сера́иа диԥан, Сера́иа Аза́риа диԥан, Аза́риа Хи́лкиа диԥан, 2 Хи́лкиа Шаллу́м диԥан, Шаллу́м Цадо́к диԥан, Цадо́к Ахиту́в диԥан, 3 Ахиту́в Ама́риа диԥан, Ама́риа Аза́риа диԥан, Аза́риа Мераио́т диԥан, 4 Мераио́т Зера́хиа диԥан, Зера́хиа У́ззи диԥан, У́ззи Бу́кки диԥан, 5 Бу́кки Авишу́а диԥан, Авишу́а Финее́с диԥан, Финее́с Елеаза́р диԥан, Елеаза́р аԥшьаҩ еиҳабы Ааро́н иԥа иакәын. 6 Уи Е́здра Вавилонынтәи дааит. Иара дыхҩылааҩын*, насгьы Израиль Анцәа Иегова израильаа ириҭаз Моисеи изакәан ибзианы идыруан. Аҳ Е́здра ииҳәаз зегь ииҭеит, избанзар Анцәа Иегова Е́здра дицын*.
7 Аҳ Артаксе́ркс аҳра аниуаз абыжьбатәи ашықәсазы Е́здреи, израильаа шьоуки, аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи, ашәаҳәаҩцәеи, агәашәхьчаҩцәеи, аныҳәарҭаҿы амаҵ зуази Иерусалимҟа рҿынархеит. 8 Аҳ аҳра аниуаз абыжьбатәи ашықәс ахәбатәи амзазы Е́здра Иерусалимҟа дааит. 9 Иара Вавилонынтәи ддәықәлеит актәи амза актәи амш аҽны, Иерусалим днеит ахәбатәи амза актәи амш аҽны, избанзар Анцәа дицхраауан. 10 Е́здра игәы азыҟаиҵеит Иегова изакәан ҭиҵааларц, инаигӡаларц, насгьы израильаа азакәан иану аԥҟарақәеи аӡбарақәеи дирҵаларц азы.
11 Абар аҳ Артаксе́ркс Иегова израильаа ириҭаз азакәанқәеи аԥҟарақәеи ибзианы издыруаз аԥшьаҩы, насгьы ахҩылааҩ Е́здра ииҭаз асаламшәҟәы:
12 * «Аҳцәа раҳ Артаксе́ркс иҟынтә ажәҩан Анцәа изакәан ахҩылааҩ аԥшьаҩы Е́здра уахь. Бзиара умаз! 13 Сара абри аҩыза адҵа ҟасҵоит: саҳраҿы инхо израильаа рҟынтә, иара убас аԥшьаҩцәеи алевитцәеи рҟынтә Иерусалимҟа аӡәыр дуццар иҭаххозар, дуццааит. 14 Аҳ быжьҩык иабжьгаҩцәеи иареи Иудеиеи Иерусалими Унцәа изакәан, уара иумоу* азакәан, иқәныҟәоу-иқәымныҟәоу еилукаарц азы урышьҭуеит. 15 Ига аҳ иабжьгаҩцәеи иареи Иерусалим инхо Израиль Анцәа хатәгәаԥхарала ирҭаз ахьи араӡни, 16 иара убас вавилонтәи апровинциа зегь аҿы еизуго ахьи араӡни, насгьы Иерусалим иҟоу Анцәа иҩны азы ажәлари аԥшьаҩцәеи хатәгәаԥхарала иҟарҵо аҳамҭақәагьы. 17 Уи аԥарала аамҭа умгакәа иаразнак иаахә ацәқәеи, аҭыӷьқәеи, асарақәеи, иара убас ача кәырбани аҩтәы кәырбани рзы иаҭаху зегьы, уи зегьы Иерусалим иҟоу Анцәа иҩнаҿы акәырбаннагарҭа иқәырҵарц азы.
18 Иаанхо ахьи араӡни Шәынцәа ииҭаху инақәыршәаны уашьцәеи уареи иахәҭоуп ҳәа ишышәыԥхьаӡо шәхы иашәырхәа. 19 Иурҭаз Унцәа иҩнаҿы амаҵзуразы иалху амаҭәарқәа зегьы Иерусалимҟа Анцәа иҩнахьы ига. 20 Унцәа иҩназы иҵегь акыр аҭаххозар, аҳ ихазынаҭра аҟынтә игала.
21 Сара, аҳ Артаксе́ркс, Аӡиас Анхыҵ иҟоу аԥараҵәахырҭа аиҳабацәа зегьы дҵас ирысҭоит ажәҩан Анцәа изакәан ахҩылааҩ аԥшьаҩы Е́здра дзызшәыҳәозаалакгьы ишәҭаларц: 22 100 талантк* рҟынӡа араӡны, 100 корк* рҟынӡа ачарыц, 100 батк* рҟынӡа аҩы, 100 батк рҟынӡа амаслинахәша, иара убас аџьыкахыш меигӡарахда. 23 Ажәҩан Анцәа иҩназы иҟаҵатәуп ҳәа ииҳәо зегьы гәацԥыҳәарала иҟашәҵала, Анцәа аҳ иԥацәеи, иареи, ижәлари игәы рызԥымжәарц азы. 24 Шәара азин шәымаӡам аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи, амузыкантцәеи, агәашәхьчаҩцәеи, аныҳәарҭаҿы амаҵ зуеи, Анцәа иҩнаҿы аус зуеи ашәахтәи, аҳазеи, аҟәадеи рымхра.
25 Уара, Е́здра, Анцәа иуиҭаз аҟәыӷара ухы иархәаны аиҳабацәеи аӡбаҩцәеи алх. Урҭ Аӡиас Анхыҵ инхо ажәларқәа, Унцәа изакәанқәа здыруа зегьы, рус рыӡбалааит. Аха урҭ азакәанқәа ззымдыруа аӡәыр дыҟазар, идшәырҵала. 26 Унцәа изакәани аҳ изакәани назмыгӡо иқәнага дақәыршәатәуп, аԥсроума, ақәцароума, ахараԥсоума, абахҭа аҭакроума».
27 Аҽхәаԥхьыӡ игымзааит аҳ Иерусалим ақалақь аҿы Иегова иҩны арԥшӡара игәазҭазҵаз ҳабацәа Рынцәа Иегова! 28 Иара сара сахь гәыбылрала иҭәу абзиабара ааирԥшит, насгьы аҳ иабжьгаҩцәеи, иареи, амчра змоу аҭауадцәеи сзыразхартә иҟаиҵеит. Сара Сынцәа Иегова дсыцын, убри аҟынтә сгәы шьҭыҵын*, Израиль ахадацәа еизызгеит, исыццарц азы.