Иуда
1 Сара, Иуда, Иисус Христос имаҵуҩ соуп, Иаков иашьа. Ҳаб Ҳанцәа иалихыз, бзиа иибо, Иисус Христос ицҟазарц азы иихьчо ишәзысыҩуеит.
2 Еиҳаны ижәбааит Анцәа ирыцҳашьареи, иҭынчреи, ибзиабареи.
3 Гәык-ԥсыкала бзиа избо, сара исҭахын Анцәа ҳшеиқәирхо атәы шәзысҩырц, аха уажәы иаҭахуп ҳәа сыӡбеит шәхаҵара шәазықәԥаларц шшәыхәҭоу шәзызҩырц. Уи иԥшьоу ирыҭаз, наунагӡа ҳәагьы ирымазаауа акоуп. 4 Ишәзысҩырц сыӡбеит, избанзар шәара шәахь инеит аԥааимбарцәа зқәыӡбахьаз ауаа, ауаа хәымгақәа. Дара ԥхашьарак злам рхымҩаԥгашьа* рҵәахырц азы, Ҳанцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара рхы иадырхәоит, насгьы ҳазтәу Иҳақәиҭу Иисус Христос мап ицәыркуеит.
5 Уи зегь шыжәдыруа здыруеит, аха ишәгәаласыршәар сҭахуп Иегова* ижәлар Египет иалганы ианеиқәирха ашьҭахь ахаҵара змамыз зегь шықәигаз. 6 Ажәҩан аҿы ирыдыз ауси ирықәнагаз анхарҭеи аанзыжьыз амаалықьцәагьы аӡбара амш ду ааиаанӡа лашарак ахьумбо алашьцараҿы еиқәԥах иҿаҳәаны имоуп. 7 Содо́ми, Гомо́рреи, урҭ иаарыкәыршаны иҟаз ақалақьқәеи иҿаасҭоу асексуалтә ламысдареи* ауаҩы иқәнагам агәаҳәара ҟьашьқәеи рыҽрырҭеит. Анцәа урҭ дрықәыӡбан, мцала наӡаӡа иқәигеит. Иахьа урҭ ҳгәаҳҽанызҵо ҿырԥштәқәоуп.
8 Аха уи хьаас иҟамҵакәа, аизара иалалаз урҭ ауаагьы еснагь ргәаҳәара ҟьашьқәа ирызхәыцуеит, аус ҟьашьқәа ирҿуп, амчра знапаҿы иҟоу рцәымӷуп, насгьы Анцәа ахьӡ-аԥша зиҭаз иакәым рзырҳәоит. 9 Архангел Михаилҵәҟьа Моисеи ицәеижь азы Аҩсҭааи иареи аимак анрызцәырҵ, иакәым изҳәаны иқәыӡбара дақәиҭуп ҳәа имԥхьаӡаӡеит. Иара иҳәеит: «Иегова дуқәыӡбааит». 10 Дара ирзеилымкаауа зегьы иакәым азырҳәоит. Урҭ ахшыҩ змам аԥстәқәа иреиԥшуп. Иҟарҵо зегьы, аԥстәқәа реиԥш, рцәаҩа ирыҵанаҳәо алоуп ишыҟарҵо. Убасала рхы бжьырхуеит.
11 Урҭ арыцҳара рзыԥшуп, избанзар Каин имҩа иқәлеит, аҳамҭа ихнахны агха ҟазҵаз Валаа́м иҿыԥшуеит, насгьы аҿагылара ҟазҵаз Коре́и ииҳәоз иацныҟәоит, убри аҟынтә иара иеиԥш даргьы ҭахоит! 12 Акрыфара-акрыжәра шәанеидтәало*, даргьы шәыдтәалоуп, аха дара аӡы аҵаҟа иҟоу иумбо ахаҳә дуқәа иреиԥшуп, зымгәа мацара иазхәыцуа ахьчацәа роуп, аԥша иаманы идәықәу, цәыкәбарк ақәа казмыршәуа аԥҭақәа иреиԥшуп, ҭагалан ашәыр зҿамло, ҩынтә иԥсхьоу, иҩыҵҳәаны икарыжьуа аҵлақәа ирҩызоуп, 13 агәамсам аазго, игәрымуа амшын ацәқәырԥақәа иреиԥшуп, ицәырԥхашьагоу рус ҟьашьқәа зегьы ирбарҭахоит. Иара убас иҟьалаз аеҵәақәа иреиԥшуп, урҭ наӡаӡа алашьцара еиқәаҵәа рхаԥоит.
14 Адам инаиркны абыжьбатәи абиԥара иатәыз Ено́х урҭ рзы абас иҳәон: «Иегова жәанызқьҩыла* иԥшьоу амаалықьцәа иманы дааит, 15 ауаа цәгьақәа рус ҟьашьқәа аартны зегьы идирбарц азы, избанзар урҭ гәнаҳаҟаҵаҩцәоуп, уи адагьы, Анцәа иакәым изҳәаны дладырҟәуан».
16 Дара рыԥсҭазаара иахашшаауеит, ргәаҳәарақәа рыҽрырҭоит, иааҟәымҵӡакәа иҽхәоит, насгьы феида роурц азы егьырҭ ирыцәнымхошәа ҟарҵоит.
17 Аха шәара, ҳаҭыр зқәу, Иҳақәиҭу Иисус Христос иапостолцәа ирҳәоз шәгәалашәыршәала. 18 Дара ирҳәон: «Аҵыхәтәантәи аамҭақәа раан ахыччаҩцәа цәырҵуеит, ргәаҳәара ҟьашьқәагьы нарыгӡалоит». 19 Урҭ аизара еиҩыршоит, аԥстәқәа реиԥш рцәаҩа ирыҵанаҳәо ала инхоит, Анцәа идоуҳа рымаӡам. 20 Аха шәара, ҳаҭыр зқәу, иԥшьоу шәхаҵара ала шәыҽшәырӷәӷәала, насгьы иԥшьоу адоуҳа ишшәыҵанаҳәо еиԥш Анцәа шәиҳәала, 21 наӡаӡатәи аԥсҭазаара шәоурц азы Иҳақәиҭу Иисус Христос арыцҳашьара анааирԥшуа ҳәа шәыԥшнаҵы, Анцәа ибзиабараҿы шәаанхарц азы. 22 Илакҩакуа рыцҳашәшьала, 23 ашырҳәа амца иалганы еиқәшәырхала. Егьырҭгьы рыцҳашәшьала, аха убри аамҭазгьы шәгәышәҽаныз, агәнаҳа зхьыкәкәо рымаҭәа шәаргьы шәамҟьашьырц азы.
24 Ахьӡ-аԥша ду змоу Ҳанцәа илшоит шәкамҳарц азы дшәыцхраар, насгьы гәнаҳак шәымамкәа, шәгәырӷьаҵәа иҿаԥхьа шәиргылар. 25 Ҳанцәа заҵәык иоуп Иҳақәиҭу Иисус Христос ила ҳаиқәзырхаз, игымзааит Анцәа арҽхәара. Иҳаракреи, имчреи, инапхгареи жәытәнатә аахысгьы, иахьагьы, наӡаӡагьы иҟазааит. Амин.