Ақәҵра
13 Иегова Моисеи иеиҳәеит: 2 «Раԥхьа ииуа аԥацәа зегьы сара исызкла*. Израиль раԥхьа ииуа аԥацәа зегьы сара истәуп, ауаа рыбжьарагьы аԥстәқәа рыбжьарагьы».
3 Моисеи ажәлар иреиҳәеит: «Маҵуцәас шәахьыҟаз Египет шәаналҵыз ари амш шәхашәмыршҭлан, Иегова Египет напы ӷәӷәала шәаналигаз амш. Арҵәыга змоу акгьы шәымфан. 4 Шәара ари амш аҽны, ави́в* амзазы, Египет шәалҵуеит. 5 Анцәа шәабацәа рабацәа дықәны иреиҳәахьан ахши ацхеи меигӡарахда иахьыҟоу ханаа́нааи, хе́ттааи, аморе́иааи, хиве́иааи, иеву́сааи рыдгьыл шшәиҭо. Иегова уахь шәаннеигалак, ави́в амзазы ари ахҭыс азгәашәҭала. 6 Бжьымш арҵәыга злам ача шәфала, абыжьбатәи амш аҽны Иегова изку аныҳәа ҟалоит. 7 Бжьымш арҵәыга злам ача шәфалароуп, арҵәыга змоу ҳәа акгьы шәымамзароуп, шәахьынхо џьаргьы арҵәыга ыҟамзароуп. 8 Уи аҽны шәхәыҷқәа абас рашәҳәароуп: „Ари зыҟаҳҵо Египет ҳаналҵыз Иегова иаҳзыҟаиҵаз ҳгәалаҳаршәаларц азоуп“. 9 Ари шәнапы иану дыргак еиԥш, шәылахь иану гәаларшәагак еиԥш ишәзыҟалоит, Иегова изакәан еснагь ишәҿазарц азы, избанзар Иегова напы ӷәӷәала Египет шәалигеит. 10 Есышықәса иазалху аамҭазы ари аԥҟара нашәыгӡала.
11 Иегова шәабацәеи шәареи дықәны ишәысҭоит ҳәа ииҳәаз ханаа́наа рыдгьыл ахь шәаннеигалак, 12 раԥхьа ииуа шәԥацәеи аԥстәқәа раԥхьатәи рԥацәеи Иегова изышәкла. Раԥхьа ииуа аԥацәа Иегова итәуп. 13 Раԥхьа ииуа аҽадақәа уасала иҿышәхла. Иҿышәымхуазар, ахәдаџьал хыжәжәа. Раԥхьа ииуа шәыҷкәынцәагьы ҿышәхлароуп.
14 Шәаԥхьаҟа шәхәыҷқәа „ҵакыс иамои ари аныҳәа“ ҳәа ианшәазҵаалак, ирашәҳәа: „Иегова напы ӷәӷәала маҵуцәас ҳахьыҟаз Египет ҳалигеит. 15 Афараон иаҿаршәны мап кны ҳаноуимышьҭуаз, Иегова Египет раԥхьа ииз аԥацәа зегьы ишьит, ауаа рыбжьарагьы аԥстәқәа рыбжьарагьы. Убри азоуп аԥстәқәа раԥхьатәи рԥацәа Иегова кәырбанс изизнаҳго, раԥхьа ииз ҳаҷкәынцәагьы зҿаҳхуа“. 16 Ари Иегова напы ӷәӷәала Египет шәшалигаз шәгәалазыршәо шәнапы иану дыргак еиԥш, шәылахь иакәыршоу ҿаҳәагак еиԥш ишәзыҟалоит».
17 Афараон израильаа аноуишьҭ, Анцәа урҭ филисти́маа рыдгьыл иалсны ицоз икьаҿыз амҩала имгаӡеит. Анцәа иҳәеит: «Аибашьра аҭаххар, ажәлар ахьхәны Египетҟа ихынҳәыр алшоит». 18 Анцәа урҭ Амшын ҟаԥшь аҿы иҟаз ацәҳәырахь уназгоз амҩала иакәыршаны игеит. Израильаа аруаа реиԥш еиҿкааны Египет иалҵит. 19 Моисеи Иосиф ибаҩқәа игеит, избанзар Иосиф Израиль иԥацәа рқәны ажәа рымиххьан, иагьреиҳәахьан: «Анцәа хымԥада шәаанижьӡом, усҟан арантәи сыбаҩқәа алыжәга». 20 Дара Сукко́т иқәҵын, рлагер ацәҳәыра аҿықәан ишьҭаз Ефа́м идыргылеит.
21 Иегова амҩа дирбаларц азы раԥхьа дгыланы дцон, ҽынла аԥҭа шьаҟала амҩа дирбон, уахынла амца шьаҟала рымҩа ирлашон, уахгьы-ҽынгьы иахьцо рбаларц азы. 22 Ҽынла аԥҭа шьаҟа рааигәара иҟан, уахынла — амца шьаҟа.