Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Алагамҭа 27
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Алагамҭа. Ахҳәаа

      • Иаков Исаак изылԥхара иоуеит (1—29)

      • Исав азылԥхара иоур иҭахуп, аха дахьхәӡом (30—40)

      • Исав Иаков игәаӷ икуеит (41—46)

Алагамҭа 27:36

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «ашьхәа иамҵасуа; даҽаӡәы иҭыԥ аанызкыло».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
  • 35
  • 36
  • 37
  • 38
  • 39
  • 40
  • 41
  • 42
  • 43
  • 44
  • 45
  • 46
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Алагамҭа 27:1–46

Алагамҭа

27 Исаак иқәрахь даннеи, илақәагьы анца, иԥеиҳаб Иса́в дааиԥхьан, ус иеиҳәеит: «Сыҷкәын!» — «Сӡырҩуеит, саб!» — иҳәеит егьи. 2 Исаак иҳәеит: «Сара сажәит, шаҟа сзынхазгьы сыздырӡом. 3 Суҳәоит, ахыци ахәымпалқәеи аашьҭыхны шәарыцара уца, ашәарахжьы сзаага. 4 Нас бзиа избо афатә хаа ҟаҵаны исзааг исфарц азы, сыԥсаанӡагьы сузылԥхарц азы».

5 Реве́кка Исааки Иса́ви еибырҳәоз лаҳауан. Иса́в дындәылҵын, шәарыцара дцеит, ашәарахжьы ааигарц азы. 6 Реве́кка Иаков ус иалҳәеит: «Сара исаҳаит уаб уашьа Иса́в абас шиеиҳәоз: 7 „Ашәарахжьы сзаага, сыԥсаанӡа Иегова иҿаԥхьа сузылԥхарц азы афатә хаа ҟаҵаны исҿаҵа“. 8 Убри аҟынтә, сыҷкәын, ибзианы усзыӡырҩны иуасҳәо ҟаҵа. 9 Суҳәоит, аџьмақәа рахь уцаны, иреиӷьу ҩба сзаага, сара урҭ уаб бзиа иибо афатә хаа рылсхуеит. 10 Нас уи уаб изугап, ифарц азы, дыԥсаанӡагьы дузылԥхарц азы».

11 Иаков иан Реве́кка ус леиҳәеит: «Сашьа Иса́в ахәы иқәуп, сара исықәӡам. 12 Саб дсылакьысыр? Усҟан сихыччо џьишьоит, сзылԥхара аҭыԥан сишәиуеит». 13 Иан ус иалҳәеит: «Сыҷкәын, ашәиԥхьыӡ сара соуп изықәшәо, уара уакәӡам. Уцаны иуасҳәаз ҟаҵа, уаҳа акгьы аҭахӡам, аџьмақәа сзаага». 14 Усҟан дцан илзааигеит, ларгьы иаб бзиа иибоз афатә хаа ҟалҵеит. 15 Нас Реве́кка лԥеиҳаб Иса́в иреиӷьӡаз имаҭәа, аҩны илымаз имаҭәа, лыԥшаан, лԥеиҵбы Иаков ишәылҵеит. 16 Инапқәеи ахәы ахьақәмыз ихәдеи аџьмацәа акәлыршеит. 17 Нас Иаков илырхиаз афатә хааи илӡыз ачеи илҭеит.

18 Иаков иаб иахь дыҩналан, ус иҳәеит: «Саб!» — «Узусҭада, сыҷкәын?» — дҵааит егьи. 19 Иаков иаб ус иеиҳәеит: «Сара уԥеиҳаб Иса́в соуп. Ишуҳәаз еиԥш зегь ҟасҵеит. Уҽышьҭыхны уҩықәтәа, ашәарахжьы ыф, усзылԥхарц азы». 20 Исаак иҷкәын ус иеиҳәеит: «Ас ирласны излоуԥшааи, сыҷкәын?» Егьи иҳәеит: «Унцәа Иегова исзааишьҭит». 21 Усҟан Исаак Иаков ус иеиҳәеит: «Сыҷкәын, суҳәоит, уааскьа, сулакьысыр сҭахуп, сыҷкәын Иса́в шуакәу агәра згарц азы». 22 Иаков иаб иахь днаскьеит, Исаакгьы уи данилакьыс, ус иҳәеит: «Исаҳауа абжьы — Иаков ибжьоуп, иску анапқәа — Иса́в инапқәа роуп». 23 Иара дизымдырӡеит, избанзар инапқәа иашьа Иса́в инапқәа реиԥш ахәы рықәын. Убри аҟынтә дизылԥхеит.

24 Нас дҵааит: «Сыҷкәын Иса́в уакәҵәҟьоума?» — «Ааи», — иҳәеит егьи. 25 Исаак иҳәеит: «Исыҭ ашәарахжьы, сыҷкәын, исфоит, нас сузылԥхоит». Иаков уи ииҭеит, аҩгьы ииҭеит. Исаак акранифа, акранижә, 26 ус иҳәеит: «Суҳәоит, сыҷкәын, уааины сыгәӡы». 27 Иаргьы иаб иахь днеин дигәӡит, иабгьы имаҭәа афҩы иаҳаит. Усҟан Исаак Иаков дизылԥхан, ус иҳәеит:

«Сыҷкәын ифҩы Иегова дыззылԥхаз адәы афҩы иеиԥшуп. 28 Анцәа ду ажәҩан аҟынтә аӡаӡа уиҭааит, иуиҭааит ичашәу адгьыл, иуиҭааит аҽаҩра ду, аҩгьы меигӡарахда. 29 Ажәларқәа умаҵ рулааит, амилаҭқәа шьамхышгыланы иуеихырхәалааит. Уашьцәа урыԥшәымахааит, уан лыҷкәынцәа шьамхышгыланы иуеихырхәалааит. Узшәиуа шәихоит, узныҳәо ныҳәахоит».

30 Исаак Иаков данизылԥха ашьҭахь иаб иҟынтә дшаадәылҵыз еиԥшҵәҟьа иашьа Иса́в шәарыцарантәи дхынҳәит. 31 Иаргьы афатә хаа ҟаҵаны иаб изнеиган, ус иҳәеит: «Саб, уҽышьҭыхны уҩықәтәа, иф уҷкәын иузааигаз ашәарахжьы, уизылԥхарц азы». 32 Исаак дҵааит: «Узусҭада?» — «Сара уԥеиҳаб Иса́в соуп», — иҳәеит иара. 33 Исаак аҵыс-ҵысра далаган, ус иҳәеит: «Дызусҭада, нас, ашәарахжьы сзаазгаз? Уара уааиаанӡа уи сфахьан, исҿазҵазгьы сизылԥхеит. Уи ԥсахшьа амаӡам!»

34 Иса́в иаб ииҳәаз аниаҳа, дхәаауа иаб иҳәара далагеит: «Саб, суҳәоит, саргьы, саргьы усзылԥха!» 35 Иаб ус иҳәеит: «Уашьа даан сижьеит, уара уҭыԥан иара сизылԥхарц азы». 36 Иса́в иҳәеит: «Баша Иаков* ихьӡума? Иара ҩынтәуп дсыгәҭасуеижьҭеи. Уаанӡа аԥеиҳаб изин сымиххьан, уажәшьҭа сзылԥхарагьы сымихит». Нас иациҵеит: «Сара сзы азылԥхарақәа умаӡами?» 37 Исаак Иса́в ус иеиҳәеит: «Уашьа уара ԥшәымас духасыргылеит, иашьцәа зегь маҵуцәас исҭеит, аҽаҩреи аҩи имазарц азы сизылԥхеит. Уара узы иҟасҵар сылшои, сыҷкәын?»

38 Иса́в иаб ус иеиҳәеит: «Саб, зылԥхарак аума иумоу? Саргьы, саб, саргьы усзылԥха!» Абас ааиҳәан, дқьызқьызуа, инеимаҭәаны аҵәыуара далагеит. 39 Иаб Исаак ус иҳәеит:

«Уара ичашәу адгьыл аҿы унхалаӡом, ажәҩан аҟынтә аӡаӡагьы уоулаӡом. 40 Уара а́ҳәа ала ухы ныҟәугалоит, уашьагьы имаҵ уулоит. Уи ануцәыхьанҭахалак, уашьа иуӷә уҟәаҟәа иқәухуеит».

41 Иса́в Иаков игәаӷ икит, иаб иара иакәымкәа, Иаков дахьизылԥхаз азы. Иса́в гәаныла ус дхәыцуа далагеит: «Иаарласны саб иџьабара аамҭа ааиуеит, уи ашьҭахь сашьа Иаков дысшьуеит». 42 Реве́кка лԥеиҳаб Иса́в игәы иҭеикыз анларҳәа, иаразнак лԥеиҵбы Иаков дааиааит ҳәа лыцҳаит. Данааи, ус иалҳәеит: «Уашьа Иса́в иҟауҵаз азы уишьыр иҭахуп. 43 Убри аҟынтә, сыҷкәын, иуасҳәо ҟаҵа, Хара́н инхо сашьа Лава́н иахь уҩны уца. 44 Уа уҟаз уашьа иҽеиқәикаанӡа, 45 иҟауҵаз ихашҭны иҽирҭынчаанӡа. Нас уаарц узынасыцҳауеит. Шәҩыџьагьы ҽнакала шәысцәыӡыр сҭахӡам».

46 Уи ашьҭахь Реве́кка Исаак ус иалҳәеит: «Хе́ттаа рыӡӷабцәа ирыхҟьаны сыԥсҭазаара цәгьахеит, уаҳа сзычҳауам. Иаковгьы ари аҭыԥ аҿы инхо хе́ттаа рыӡӷабцәа рҟынтә аӡә ԥҳәысс дигар аасҭа, сыԥсыр еиҳа еиӷьуп!»

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра