Руфь
3 Зны Ноеми́нь Руфь ус лалҳәеит: «Сыӡӷаб, бзысҭаша аӡә дыбзысыԥшаап, ҭынч бынхаларц азы. 2 Иаҳҳәап, ҳауа Боа́з. Бара имхаҿы аус зуаз аҳәсагьы брыцын. Уаха иара ачаԥшь ахьырҭәаҭәо аҭыԥ аҿы ачаԥшь иԥсаҟьоит. 3 Бҽаакәабаны, зыфҩы хаау ахәша быхьшьы, нас бҽеилаҳәаны уахь бца. Аха акрифаанӡа, акрижәаанӡа бхы ибмырбан. 4 Ацәара данцо, дахьышьҭало гәаҭ. Нас бнеины, иқәыршәу ишьапаҿы бҩаханы, уа бышьҭал. Анаҩс иҟабҵаша иара ибеиҳәоит».
5 Руфь илҳәеит: «Ишсабҳәаз еиԥш зегь ҟасҵоит». 6 Руфь ачаԥшь ахьырҭәаҭәоз аҭыԥ ахь дцан, ланхәа ишлалҳәаз еиԥш зегь ҟалҵеит. 7 Уи аамҭазы Боа́з акрифан, акрижәын, игәы-иԥсы ҭәны, ачаԥшь еизганы иахьышьҭаз ааигәара дышьҭалеит. Усҟан лара ашьшьыҳәа днеин, ишьапы иақәыз дҩахан, дышьҭалеит. 8 Аҵх агәазы Боа́з дыҭрысны дааԥшит. Иҽаашьҭыхны данԥшы, ишьапаҿы аԥҳәыс дшышьҭаз ибеит. 9 Иара дҵааит: «Бызусҭада?» — «Умаҵуҩы Руфь соуп, — лҳәеит лара. — Умаҵуҩы умаҭәа акалҭ лықәыршә, избанзар уара аҿыхра азин умоуп». 10 Иара иҳәеит: «Иегова дыбзылԥхааит, сыӡӷаб. Иаабырԥшыз гәыбылрала иҭәу абзиабара уажәы еиҳа еиҳауп уаанӡа аасҭа, избанзар бара иқәыԥшу ахаҵа бишьҭамлаӡеит, иӷару ма ибеиоу рыбжьара. 11 Уажәшьҭа, сыӡӷаб, акгьы бацәымшәан. Сара ибҳәаз зегь ҟасҵоит, избанзар ақалақь аҿы зегьы ирдыруеит* пату зқәу аԥҳәыс шбакәу. 12 Ииашоуп, сара аҿыхра азин сымоуп. Аха сара саасҭа ишәзааигәоу даҽа ҭынхак дшәымоуп. 13 Уаха ара баангыл, ашьыжь бҿихуазар, бҿихааит. Иҭахымхар, зыԥсы ҭоу Анцәа Иегова имаҿоуп бышҿысхуа. Уажәазы ара быцә, ашьыжь бцап».
14 Лара шьыжьынӡа ишьапаҿы дышьҭан. Нас, шарԥазы, аӡәы дубо иҟалаанӡа, дгылеит. Иара ус леиҳәеит: «Ара аԥҳәыс дшыҟаз аӡәгьы изымдырааит». 15 Иара убас иҳәеит: «Бышәхарԥа еиҵыхны икы». Лышәхарԥа анеиҵылх, ф-загак* ачаԥшь лзаниԥсалеит, ашьҭыхрагьы длыцхрааит. Нас иара ақалақь ахь дцеит.
16 Руфь ланхәа лҿы данааи, ланхәа дҵааит: «Ибеиҳәеи*, сыӡӷаб?» Лара Боа́з илзыҟаиҵаз зегьы лзеиҭалҳәеит, 17 иагьацылҵеит: «Ф-загак ачаԥшь сиҭан, ус иҳәеит: „Банхәа лахь бнапы ҭацәны бымхынҳәын“». 18 Ноеми́нь илҳәеит: «Уажәшьҭа, сыӡӷаб, аус иалҵуа еилыбкаанӡа быԥшыз, избанзар уи ауаҩ иахьаҵәҟьа ари аус аҭыԥ иқәиҵаанӡа игәы ирҭынчӡом».