Лука иҟынтә ажәабжь бзиа
14 Сабшак азы Иисус афарисеицәа реиҳаб иахь акрифарц дымҩахыҵит. Уа иҟаз зегьы рылаԥш ихымгакәа ицклаԥшуан. 2 Уа дыҟан знапқәеи зшьапқәеи чуаз, аӡы змаз хаҵак. 3 Иисус азакәан бзианы издыруази афарисеицәеи ус дразҵааит: «Асабшаҽны ауаҩы духәышәтәыр ҟалоу-иҟамлоу?» 4 Аха дара ҿырҭӡомызт. Усҟан иара ахаҵа дилакьысын, дихәышәтәит, нас наҟ дишьҭит. 5 Уи ашьҭахь ус реиҳәеит: «Асабшаҽны шәыҷкәын аҵеџь дҭаҳар, иаразнак дҭышәымгаӡои, ма шәыцә ҭаҳар, уигьы иаразнак иҭышәымгаӡои?» 6 Аха дара ирҳәаша рымамызт.
7 Асасцәа аҭыԥ бзиақәа шныркылоз аниба, ус реиҳәеит: 8 «Ачарахь ааԥхьара анурҭо, зегь иреиӷьу аҭыԥ аҿы умтәан. Иҟалап ачараҿы аԥшәма еиҳа ҳаҭыр зқәиҵо сасык дыҟазар. 9 Убри аҟынтә аԥшәма днаудгыланы, ус уеиҳәар ауеит: „Угыланы ари асас дыртәа“. Усҟан ахьымӡӷ ганы, иреицәоу аҭыԥ аҿы атәара уқәшәоит. 10 Ачарахь ааԥхьара анурҭо, еицәоу аҭыԥ аҿы утәа, усҟан аԥшәма днаудгыланы иуеиҳәоит: „Сҩыза, еиҳа еиӷьу аҭыԥ аҿы унеины утәа“. Убас иара асасцәа зегь рҿаԥхьа ҳаҭыр шуқәиҵо ааирԥшуеит. 11 Убри аҟынтә зхы ҳаразкуа дларҟәхоит, ахынраалара аазырԥшуа дҳаракхоит».
12 Уи ашьҭахь Иисус ааԥхьара изҭаз ус иеиҳәеит: «Асасцәа акрыфара ианаауԥхьо, уҩызцәеи, уашьцәеи, уҭынхацәеи, амал змоу угәылацәеи ааумԥхьан, избанзар даргьы мышкызны ааԥхьара урҭар рылшоит. 13 Ачара анууа, ааԥхьара рыҭала иӷару, зхы иамыхәо, ицыркьуа, илашәу ауаа. 14 Уи анасыԥ унаҭоит, избанзар дара ирылшаӡом рыҩныҟа ааԥхьара уҭара. Уара уакәзар, ауаа иашақәа рыԥсы анҭало аамҭазы уҳамҭа уоуеит».
15 Асасцәа руаӡәк ари аниаҳа, ус иҳәеит: «Насыԥ имоуп Анцәа Иаҳраҿы акрызфо».
16 Иисус иҳәеит: «Аӡәы ачара иурц иӡбан, асасцәа рацәаҩны ааԥхьара риҭеит. 17 Атәара аамҭа анааи, аԥшәма имаҵуҩы ааԥхьара зиҭаз рахь дишьҭит: „Шәааи, зегь мазеиуп“ ҳәа реиҳәарц азы. 18 Аха дара еибырҳәазшәа, зегь аҽыҵгақәа рыԥшаара иалагеит. Аӡәы иҳәеит: „Сара адгьыл аасхәеит, сцаны избароуп. Суҳәоит, саҭоумҵан“. 19 Даҽаӡәы иҳәеит: „Сара 10 цәык аасхәеит, урҭ шыцәаӷәо гәасҭароуп“. 20 Ахԥатәи иҳәеит: „Сара ааигәоуп ԥҳәыс данаазга, убри аҟынтә сызнеиӡом“. 21 Амаҵуҩы даныхынҳә, иԥшәма зегь изеиҭеиҳәеит. Аԥшәма игәы ԥжәан, имаҵуҩы ус иеиҳәеит: „Абыржәыҵәҟьа ақалақь амҩадуқәеи амҩа ҭшәақәеи рахь уцаны, иаага иӷару, зхы иамыхәо, илашәу, ицыркьуа ауаа“. 22 Амаҵуҩы даныхынҳә, ус иҳәеит: „Ухаҵкы, исоуҳәаз ҟасҵеит, аха иҵегь аҭыԥқәа нхеит“. 23 Усҟан аԥшәма имаҵуҩы иеиҳәеит: „Ақалақь анҭыҵ амҩақәеи, амҩахәасҭақәеи, архақәеи рахь уцаны, ауаа аарц азы урыҳәа, имааргьы умун, сыҩны ауаа рыла иҭәырц азы. 24 Сара ишәасҳәоит: раԥхьа ааԥхьара зауз рҟынтә аӡәгьы сыфатә агьама ибараны дыҟаӡам“».
25 Иисус жәларык ауаа ишьҭаланы ицон. Иара урҭ рахь дынхьаԥшын, ус реиҳәеит: 26 «Аӡәы сара сахь дааирц иҭахызар, уи иани, иаби, иԥҳәыси, ихәыҷқәеи, иашьцәеи, иаҳәшьцәеи, иԥсҭазаараҵәҟьеи раасҭа сара бзиа сибароуп, мамзар сҵаҩ иакәны дзыҟалаӡом. 27 Зышьаҟа* шьҭыхны исышьҭаланы имцо, сҵаҩ иакәны дзыҟалом. 28 Иаҳҳәап, шәара шәҟынтә аӡәы аҩны иргыларц иӡбеит. Уи раԥхьа дтәаны, аргылара шаҟа аго имԥхьаӡаӡои, изхаша имоу-имаму гәеиҭарц азы? 29 Ус ҟаимҵар, ашьаҭа шьҭаҵаны, арахь аргылара имч ақәымхо ианыҟалалак, ауаа ихыччо, 30 абас рҳәалоит: „Ари ауаҩ аргылара далагеит, аха дзалымгаӡеит“. 31 10 000-ҩык аруаа змоу аҳ 20 000-ҩык аруаа змоу аҳ диабашьырц игәы ианҭеикуа, раԥхьа дтәаны, уи илшоу-илымшоу дазымхәыцӡои? 32 Илымшар, иаӷа дааигәахаанӡа, ацҳаражәҳәаҩцәа шьҭны, аҭынчра даҳәоит. 33 Убри аҟынтә ижәдыруаз: шәмазара зегьы ааншәмыжьыр, сҵаҩцәа шәакәны шәзыҟалаӡом.
34 Аџьыкахыш, ҳәарада, ибзиоуп. Аха аџьыкахыш аҵаара ацәыӡыр, еиҭах иҵааны излаҟауҵои? 35 Уи аҩыза аџьыкахыш акгьы иаԥсаӡам. Уи анышәгьы иузалаҵом, ауацгьы иузалаԥсом. Наҟ икарыжьуеит. Алымҳақәа змоу илымҳақәа кыдҵаны дӡырҩлааит».