Филиппаа рахь
3 Убри аҟынтә, сашьцәа, Иҳақәиҭу Анцәа имаҵ аныжәуа еснагь шәгәырӷьала. Сара исцәыцәгьаӡам ишәзысыҩхьоу еиҭах аҩра, уи шәара шәахьчоит.
2 Шәхы рцәышәыхьчала ауаа хәымгақәа*, шәхы рцәышәыхьчала ауаа ԥырхага рызҭо, шәхы рцәышәыхьчала аԥхьатәхсара аҭахуп ҳәа зҳәо. 3 Ҳара ҳауп заԥхьатә хсаҵәҟьаз, избанзар ҳара Анцәа идоуҳа ацхыраарала имаҵ ҳуеит, Христос Иисус иҟаиҵаз ҳахыҽхәоит, насгьы ауаа ихадоуп ҳәа ирыԥхьаӡо акәӡам ҳзықәгәыӷуа. 4 Сара сыҽхәозҭгьы, сызхыҽхәаша сымоуп.
Ауаа рзы ихадоу уақәгәыӷыр ҟалоит ҳәа ӡәыр дхәыцуазар, сара сзықәгәыӷша еиҳагьы исымоуп: 5 сара аабатәи амш аҽны саԥхьатә хсан, израильтәи ажәлар среиуоуп, Вениамин иҭаацәара салҵит, сауриоуп, азакәан ақәныҟәара атәы сҳәозар, сфарисеин, 6 ааԥсарак ҟамҵакәа аизара сашьҭашәарыцон, азакәан иаҳәоз ак агмыжькәа инасыгӡон. 7 Убри зегьы сара сзы ихадан, аха хьаас имкыкәа Христос иаҳаҭыразы иаансыжьит. 8 Исықәиҭу Христос изку еиҳа ихадоу адыррақәа ансоу, уи зегьы акы иаԥсам еиԥш исыԥхьаӡоит. Иара иаҳаҭыразы сара зегь аансыжьит, ҟьамсарк еиԥш исыԥхьаӡеит, Христос дсырҳарц, 9 насгьы иҵаҩ сакәхарц азы. Сара суаҩ иашоуп ҳәа зысҳәо азакәан сахьықәныҟәо азы акәӡам, Христос дахьхасҵо азоуп. Ааи, Христос дхазҵо роуп Анцәа уаа иашақәаны ииԥхьаӡо. 10 Сара исҭахуп Христос деилыскаарц, иԥсы ҭазҵаз амчгьы еилыскаарц, сара исҭахуп иара иеиԥш сгәаҟларц, иара иеиԥшгьы сыԥсырц, 11 иауазар, раԥхьа* зыԥсы ҭало среиуахарц азы.
12 Сыззыԥшу соухьеит ҳәа акәӡам исҳәарц исҭаху, снаӡангьы сҟамлаӡацт, аха Христос Иисус сыззалихыз соурц азы исылшо зегь ҟасҵоит. 13 Сашьцәа, сыззыԥшу аҳамҭа соухьеит ҳәа сыԥхьаӡаӡом, аха ишәасҳәо абриоуп: сышьҭахьҟа иҟоу схаршҭны, саԥхьаҟа иҟоу ахь схы рханы, 14 схықәкы насыгӡарц азы исылшо зегь ҟасҵоит, Христос Иисус ила Анцәа ааԥхьара зиҭаз ироуа жәҩантәи аԥсҭазаара соурц азы. 15 Ҳара, доуҳала ишәхьоу ауаа, убри аҩыза ахәыцшьа ҳамазароуп. Аха џьара-џьара даҽакала шәхәыцуазаргьы, Анцәа ииашаны ахәыцшьа шәирҵоит. 16 Ҳхаҵара ҳарӷәӷәахьазаргьы, шәааи, ишыҟаҳҵац еиԥш анаҩсгьы иҳарӷәӷәалап.
17 Сашьцәа, сара шәысҿыԥшла, ишәаҳҭо аҿырԥшы иқәныҟәо шәрыхәаԥшла. 18 Уаанӡа зыӡбахә сҳәалоз аӡәырҩы уажәы слаӷырӡышо рыӡбахә сҳәоит, избанзар дара ашьаҟа икыдҵаны иршьыз Христос иаӷацәа реиԥш рхы мҩаԥыргоит. 19 Урҭ ирзыԥшу ԥсроуп, нцәас ирымоу ргәаҳәарақәа роуп, ауаҩы дызцәыԥхашьаша дара ахыҽхәоит, рхәыцрақәа зегьы дгьылтәуп. 20 Аха ҳара ажәҩан ҳатәуп, ажәҩан аҿы иҟоу ҳаиқәырхаҩ Иҳақәиҭу Иисус Христос данбаауеи ҳәагьы ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳаԥшуп. 21 Иара иоуз амч ӷәӷәа ихы иаирхәоит, зегь напхгара аиҭаларц азы, иԥсыҽу ҳцәеижь иԥсахуеит, хьӡи-ԥшеи змоу иара итәы иеиԥшхарц азы.