Лука иҟынтә ажәабжь бзиа
9 Иисус 12-ҩык апостолцәа дрыԥхьан, ауаа адемонцәа рхырцаларц, насгьы ачымазцәа рхәышәтәларц азы амч риҭеит. 2 Иара урҭ Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь ауаа ирзеиҭарҳәаларц, насгьы ичмазаҩу рхәышәтәларц азы ишьҭит, 3 иагьреиҳәеит: «Амҩа шәанықәло, лабашьоума, амҩаныфа зҭашәҵо макәанума, чоума, ԥароума*, ҽыԥсахга маҭәоума, акгьы шьҭышәымхын. 4 Шәахьрыдыркыло аҩны зеиԥшразаалакгьы, уи аҭыԥ аҟынтә шәцаанӡа уа шәыҟаз. 5 Қалақьк аҿы шәрыдрымкылар, уи ақалақь шәаналҵуа, шәшьапқәа ршәшәаны, асаба рықәышәх*, убасала ргәышырҽанышәҵаз дшәырбоит». 6 Уи ашьҭахь дара ауаа ажәабжь бзиа рылаҳәо, ичмазҩыз хәышәтәуа, ақыҭақәа зегьы ирылалеит.
7 Напхгаҩыс иҟаз И́род* ари зегь аниаҳа, иихәыцра изымдыруа дықәхеит, избанзар шьоукы Иоанн иԥсы ҭалеит рҳәон, 8 егьырҭ — Илиа дааит рҳәон, даҽа шьоукы — ажәытәан инхоз аԥааимбарцәа руаӡәк иԥсы ҭалеит рҳәон. 9 И́род иҳәеит: «Иоанн ихы хысҵәахьеит. Дызусҭада, нас, зыӡбахә саҳауа ари ауаҩ?» Иара уи дибарцгьы иҭаххеит.
10 Апостолцәа аныхынҳә, иҟарҵаз зегь Иисус изеиҭарҳәеит. Иисус урҭ иманы Вифсаи́да захьӡыз ақалақь ахь дцеит, аӡәгьы дырԥырхагамхарц азы. 11 Аха ажәлар уи еилыркаан, ишьҭаланы ицеит, иаргьы гәыкала дырԥылеит, Анцәа Иаҳра аӡбахә рзеиҭаҳәарагьы далагеит, ичмазҩызгьы ихәышәтәит. 12 Ахәлара ианалага, 12-ҩык апостолцәа Иисус инаидгылан, ус иарҳәеит: «Ажәлар наҟ ишьҭы, ааигәа ишьҭоу ақыҭақәа рахь ицаны, иахьаангылашеи ирфашеи рыԥшаарц азы, избанзар ара уаҩ дынхом». 13 Аха Иисус иҳәеит: «Ирфаша шәара ирышәҭ». Дара ирҳәеит: «Ҳара хә-чаки ҩ-ԥсыӡки рыда акгьы ҳамаӡам, ҳхаҭа ҳцаны зегь рзы афатә ааҳамхәозар». 14 Уа 5 000-ҩык раҟара ахацәа ыҟан. Иисус иҵаҩцәа ус реиҳәеит: «Ауаа 50-50-ҩыла ишаны ишәыртәа». 15 Даргьы Иисус ииҳәаз ҟарҵеит. Ажәлар антәа, 16 Иисус хә-чаки ҩ-ԥсыӡки аашьҭихын, ажәҩан днаҵаԥшны Анцәа диҳәеит*. Нас ача ааԥиҽын, иҵаҩцәа аԥсыӡи ачеи рыҭара далагеит, ауаа ирзыршарц азы. 17 Зегьы рызхара рфеит. Иаанхаз ача анеизырга, 12 каҵкәыр ҟалеит.
18 Зны Иисус Анцәа дышиҳәоз, иҵаҩцәа наидгылеит. Иара урҭ дразҵааит: «Сызусҭоу ҳәа ирҳәои ауаа?» 19 Дара ирҳәеит: «Шьоукы — Иоанн Аӡӡаахҩы уоуп рҳәоит, егьырҭ — Илиа, даҽа шьоукы — ажәытәан инхоз аԥааимбарцәа руаӡәк дгылеит рҳәоит». 20 Усҟан иара дразҵааит: «Шәара шәгәы ишԥаанаго, сызусҭада сара?» Пиотр иҳәеит: «Уара Анцәа иааишьҭыз Христос уоуп». 21 Нас иҵаҩцәа уи аӡәгьы иарымҳәарц реиҳәеит, 22 иагьнациҵеит: «Ажәлар реиҳабацәеи, аԥшьаҩ еиҳабацәеи, азакәанрҵаҩцәеи ауаҩытәыҩса Иԥа дрыдыркылаӡом. Иара ирацәаны агәаҟрақәа ихигараны дыҟоуп, аҵыхәтәангьы дыршьуеит, аха ахымш раан иԥсы ҭалоит».
23 Уи ашьҭахь иара зегьы абас реиҳәеит: «Исышьҭаланы ацара зҭаху ихы мап ацәикааит, ишьаҟа* шьҭыхны, еснагь дсышьҭаланы даалааит, 24 избанзар зыԥсы* еиқәзырхарц иашьҭоу — иԥсҭазаара ицәыӡуеит, зыԥсҭазаара сара исыхҭнызҵо — иԥсы* еиқәирхоит. 25 Ауаҩы адунеи зегь ирҳаргьы иабаихәо, ихы иазеицәоу ҟаиҵозар, ма иԥсҭазаара ицәыӡуазар? 26 Аӡәы сыԥхеишьозар, сажәагьы ԥхеишьозар — ауаҩытәыҩса Иԥагьы уи дыԥхеишьоит. Иара уи дыԥхеишьоит, ихьӡ-иԥшеи, Иаб ихьӡ-иԥшеи, иԥшьоу амаалықьцәа рыхьӡ-рыԥшеи иманы данаауа. 27 Аиаша шәасҳәоит: абра игылоу рҟынтә шьоукы Анцәа Иаҳра рбаанӡа иԥсӡом».
28 Уи ашьҭахь 8 мшы раҟара анҵы, Иисус Пиотри, Иоанни, Иакови иманы Анцәа диҳәарц азы ашьха дхалеит. 29 Анцәа даниҳәоз, ихы-иҿы лашеит, имаҭәагьы ҟәашкакараӡа иҟалеит. 30 Ус, ҩыџьа ахацәа иацәажәара иалагеит. Урҭ Моисеии Илиеи ракәын. 31 Дара еилаарцыруа, илашо иаацәырҵит. Урҭ еибырҳәон Иисус ицашьа зеиԥшрахоз, насгьы уи Иерусалим иҟалараны ишыҟаз. 32 Уи аамҭазы Пиотри, Иоанни, Иакови ыцәан. Ианааԥш, ирбеит Иисус дшылашоз, насгьы ҩыџьа ахацәа шидгылаз. 33 Урҭ ахацәа анцоз аламҭалазы, Пиотр Иисус ус иеиҳәеит: «Арҵаҩы, ишԥабзиоу ара! Иуҭахызар, х-қьалак ҳаргылап, акы — уара узы, акы — Моисеи изы, акы — Илиа изы». Аха иара ииҳәоз изеилкааӡомызт. 34 Пиотр дцәажәонаҵы, ԥҭак аацәырҵын, ирхаԥеит. Аԥҭа ианагәыланак, ишәеит. 35 Ус, аԥҭа аҟынтә бжьык аагеит: «Ари сара иалысхыз Сԥа иоуп. Иара шәизыӡырҩла». 36 Абжьы анраҳа, Иисус ихала дшыҟаз рбеит. Аамҭак аҩныҵҟа дара ирбаз-ираҳаз атәы аӡәгьы изеиҭарҳәомызт.
37 Адырҩаҽны, ашьха аҟынтә ианылбаа, Иисус жәларык ауаа иԥылеит. 38 Ус, ажәлар ирылаз хаҵак ибжьы аагеит: «Арҵаҩы, суҳәоит, сыҷкәын, сԥазаҵә уихәаԥш. 39 Зны-зынла адемон дихаԥоит, иаалырҟьангьы дирхәаауеит, нас иара дԥаҭԥаҭуа, ашәаҟьа иҿачы дықәхоит. Аума анизааицалак ауп данилҵуа, уигьы ишиҭахым ауп ишыҟаиҵо. 40 Уҵаҩцәа срыҳәеит дихырцарц, аха ирылымшеит». 41 Иисус иҳәеит: «Ахаҵара змам абиԥара цәгьа! Шаҟа аамҭа сшәыцзар акәзеи еиҭа? Шаҟа аамҭа шәсычҳалозеи? Дааг арахь уҷкәын». 42 Аҷкәын Иисус иахь даннеиуазгьы, адемон* уи аҷкәын адгьыл дықәижьын, дԥаҭԥаҭуа дықәирхеит. Аха Иисус уи дилҵырц идиҵеит, нас аҷкәын дихәышәтәын, иаб дииҭеит. 43 Уи збаз зегьы Анцәа имч ду иаршанхеит.
Ауаа зегь Иисус иҟаиҵаз џьаршьонаҵы, иара иҵаҩцәа ус реиҳәеит: 44 «Исҳәо шәлымҳақәа кыдҵаны шәазыӡырҩы, иагьгәнышәкыл: ауаҩытәыҩса Иԥа дырҭиуеит, насгьы иаӷацәа дрырҭоит». 45 Аха дара Иисус ииҳәаз иаанагоз рзеилымкааӡеит. Уи аҵакы дара рзы иҵәахын, убри азоуп изырзеилымкаазгьы, арахь иазҵаара ишәон.
46 Уи ашьҭахь аҵаҩцәа ҳауа еиҳада ҳәа аимак рызцәырҵит. 47 Иисус урҭ зызхәыцуаз анидыр, хәыҷык дааиган, иаԥхьа диргылан, 48 ус реиҳәеит: «Саҳаҭыразы* абри ахәыҷы дыздызкыло, саргьы сидикылоит. Сара сыздызкыло, саазышьҭызгьы дидикылоит. Шәыбжьара зегь иреиҵоу иеиԥш зхы мҩаԥызго иоуп зегь иреиҳау».
49 Иоанн Иисус иеиҳәеит: «Арҵаҩы, ҳара даҳбеит ухьӡала ауаа адемонцәа рхызцо ауаҩы, даҟәыҵырцгьы иаҳҳәеит, избанзар иара ҳара дҳацӡам». 50 Аха Иисус иҳәеит: «Шәиԥырхагамхан, избанзар ишәҿамгыло — дшәыдгылоуп».
51 Иисус ажәҩан ахь дцараны даныҟаз аамҭа ааигәахон азы, Иерусалимҟа дцарц иӡбеит. Акы дааннакыларгьы иҭахӡамызт. 52 Иара иаԥхьа иҵаҩцәа ишьҭит. Дара зегь дырхиарц азы самариаа рқыҭахь инеит. 53 Аха самариаа Иисус Иерусалимҟа ихы шхаз анеилыркаа, дрыдрымкылаӡеит. 54 Иакови Иоанни ари анырба, Иисус ус иарҳәеит: «Иҳақәиҭу, иуҭахызар, ажәҩан аҟынтә амца лбаашьҭны абыржәыҵәҟьа инҳарҵәоит». 55 Аха Иисус днарыхәаԥшын, дрықәыӡбеит. 56 Нас Иисус иҵаҩцәеи иареи даҽа қыҭак ахь ицеит.
57 Амҩа ианықәыз, хаҵак Иисус днаидгылан, ус иеиҳәеит: «Сара уахьцалакгьы суццоит». 58 Аха Иисус иҳәеит: «Абгахәыҷқәа аҭыҩрақәа рымоуп, аҵарақәагьы — рыҭрақәа, аха ауаҩытәыҩса Иԥа ихы ахьыҵаикуаҵәҟьагьы имам». 59 Нас Иисус даҽаӡәы иеиҳәеит: «Усышьҭаланы уаала». Аха уи ауаҩ ус иҳәеит: «Исықәиҭу, раԥхьа сцаны, саб ижра азин сыҭ». 60 Аха Иисус иҳәеит: «Аԥсцәа рыԥсцәа ржлааит. Уара Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь зегьы ирылаҳәала». 61 Даҽаӡәгьы иҳәеит: «Исықәиҭу, сара сушьҭаланы сцоит, аха раԥхьа сҭаацәа абзиараз ҳәа расҳәарц азин сыҭ». 62 Иисус иҳәеит: «Акәаҭан ала амхы зцәаӷәо, аха шьҭахьҟа иԥшуа ауаҩы Анцәа Иаҳра даԥсахом».