Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Алагамҭа 14
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Алагамҭа. Ахҳәаа

      • Аврам Лот деиқәирхоит (1—16)

      • Мелхиседек Аврам дизылԥхоит (17—24)

Алагамҭа 14:3

Албаагақәа

  • *

    Иԥсу амшын.

Алагамҭа 14:4

Албаагақәа

  • *

    Иҟалап аҩбатәи ажәеинраалаҿы зыӡбахә ҳәоу хәҩык аҳцәа ракәзар.

Алагамҭа 14:10

Албаагақәа

  • *

    Асфальт еиқәаҵәоуп, адгьыл иҵыҵуеит.

Алагамҭа 14:13

Албаагақәа

  • *

    Ма «ақьалақәа рҿы дынхон».

Алагамҭа 14:14

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иашьа».

Алагамҭа 14:22

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «снапы шьҭысхуеит».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Алагамҭа 14:1–24

Алагамҭа

14 Урҭ амшқәа рзы сеннаартәи аҳ Амрафе́л, елласартәи аҳ Арио́х, еламтәи аҳ Кедорлаоме́р, гоимтәи аҳ Фида́л 2 абарҭ аҳцәа рабашьра иалагеит: содомтәи аҳ Бе́ра, гоморратәи аҳ Би́рша, адматәи аҳ Шина́в, цевоимтәи аҳ Шемеве́р, иара убас белатәи, даҽакала иуҳәозар, цоартәи аҳ. 3 Дара зегьы Сидди́м архаҿы рыр еизыргеит, уажәы Иҵаау амшын* ахьыҟоу.

4 Дара* Кедорлаоме́р 12 шықәса имаҵ руан, 13-тәи ашықәс азы иҿагылеит. 5 14-тәи ашықәс азы Кедорлаоме́р ицыз аҳцәеи иареи цан, Аштеро́т-Карнаи́м иҟаз рефаи́маа ԥыххааса иқәырҵеит, иара убас Га́ма иҟаз зузи́маа, Ша́ве-Кириатаи́м иҟаз еми́маа, 6 иара убас хорре́иаагьы, сеиртәи рышьхақәа инадыркны ацәҳәыра азааигәара иҟоу Ел-Пара́нынӡа иаҵанакуа аҭыԥ аҿы. 7 Анаҩс ихынҳәын, Ен-Мишпа́тҟа иааит, даҽакала иуҳәозар Каде́ш, уа амали́каа рыдгьыл зегь рымпыҵадырхалеит, нас Хацацо́н-Тама́р инхоз аморе́иаа ԥыххааса иқәырҵеит.

8 Уи аамҭазы содомтәи аҳи, гоморратәи аҳи, адматәи аҳи, цевоимтәи аҳи, белатәи, даҽакала иуҳәозар, цоартәи, аҳи рҽааидыркылан, Сидди́м архаҿы аибашьра иалагеит. 9 Дара еламтәи аҳ Кедорлаоме́ри, гоимтәи аҳ Фида́ли, сеннаартәи аҳ Амрафе́ли, елласартәи аҳ Арио́хи ирабашьуан. Ԥшьҩык аҳцәа хәҩык ирҿагылеит. 10 Сидди́м архаҿы асфальт* зҭаз ажрақәа рацәан. Содо́ми Гомо́рреи раҳцәа иҩны ианцоз, урҭ ажрақәа ирҭаҳаит, иаанхаз ашьхарахь иҩны ицеит. 11 Содо́ми Гомо́рреи мазарас, фатәыс иҟаз зегьы аиааира згаз ирыманы ицеит. 12 Дара Содо́м инхоз Аврам иашьа иԥа Лотгьы дытҟәаны дыргеит, имазарагьы рыманы ицеит.

13 Еиқәхаз рҟынтә аӡәы иауриаз Аврам иахь даан зегь изеиҭеиҳәеит. Усҟан иара Ешко́ли Ане́ри рашьа аморе́и Ма́мре иҵла дуқәа рзааигәара дынхон*. Аврами дареи шеицхыраало ала аиқәшаҳаҭра рыбжьан. 14 Убас Аврам иаҳаит иуа* дыҭҟәаны дшыргаз. Усҟан иара даалаган, иҩнаҭаҿы ииз 318 маҵуҩы, аибашьышьа здырҵахьаз ахацәа, ааизиган, ампыҵахалаҩцәа дрышьҭаланы Да́нынӡа дцеит. 15 Уахынла ируаа гәыԥ-гәыԥла еиҩишан, иаӷацәа дрыжәлан дыриааит, иара урҭ Дамаск аҟынтә аҩада ишьҭаз Хо́вынӡа дрышьҭан. 16 Иара урҭ иргаз зегь иргьежьит, иуа Лот имазарагьы иаргьы иргьежьит, иара убас аҳәсагьы егьырҭ атҟәацәагьы.

17 Аврам Кедорлаоме́р ицыз аҳцәеи иареи дыриааины даныхынҳәуаз, содомтәи аҳ Ша́ве архаҿы, даҽакала иуҳәозар, Аҳ ирхаҿы, диԥылеит. 18 салимтәи аҳ Мелхиседе́к Аврам ачеи аҩи изнеигеит. Иара Хыхь иҟоу Анцәа Ду иԥшьаҩ иакәын.

19 Иара Аврам диқәныҳәан, ус иҳәеит:

«Диқәныҳәааит Аврам Хыхь иҟоу Анцәа Ду,

Ажәҩани адгьыли зшаз,

20 Аҽхәаԥхьыӡ игымзааит Хыхь иҟоу Анцәа Ду,

Уаӷацәа ушьапаҿы ишьҭазҵаз!»

Аврам уи иргьежьыз зегь аҟынтә ажәабатәи ахәҭа ииҭеит.

21 Уи ашьҭахь содомтәи аҳ Аврам ус иеиҳәеит: «Ауаа сара исыҭ, амазара уара иумаз». 22 Аха Аврам содомтәи аҳ ус иеиҳәеит: «Ажәҩани адгьыли зшаз Хыхь иҟоу Анцәа Ду Иегова иҿаԥхьа сықәуеит* 23 уара иутәу ҳәа ак шысымго, рахәыцзаргьы асандалеимаа аҵӷа акәзаргьы, Аврам сара сыла дбеиахеит ҳәа умҳәарц азы. 24 Сыуаажәлар ирфахьоу ада акымзарак згаӡом. Исыцқәаз Ане́ри, Ешко́ли, Ма́мреи ракәзар, рыхәҭаа ргааит».

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра