Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • 2 Коринфаа 9
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

2 Коринфаа. Ахҳәаа

      • Иҟауҵо гәыкала, иуҭахны иҟауҵалароуп (1—15)

        • «Анцәа бзиа дибоит дгәырӷьаҵәа егьырҭ ак рызҭо ауаҩы» (7)

2 Коринфаа 9:7

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 55

2 Коринфаа 9:13

Албаагақәа

  • *

    Ма «ацхыраара аҟаҵара иазку амаҵзура».

2 Коринфаа 9:15

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    1/2016, ад. 12—13

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
2 Коринфаа 9:1–15

2 Коринфаа рахь

9 Иԥшьоу рымаҵ аура атәы ҳҳәозар, уи иазкны ак шәзыҩтәуп ҳәа сгәы иаанагом, 2 избанзар издыруеит ацхыраара аҟаҵара шәшазхиоу. Уи азы македониатәи аишьцәа рҿаԥхьагьы сышәхыҽхәоит. Сара урҭ ирасҳәоит Аха́иа ацхыраара аҟаҵара иазхиоижьҭеи шықәсык ҵуеит ҳәа. Иаашәырԥшуа агәацԥыҳәара урҭ реиҳараҩык ҳаҵҳаҵо иҟанаҵеит. 3 Сара аишьцәа шәзынасышьҭуеит, баша шәҳарҽхәозшәа иалымҵырц азы, насгьы шәара ишәызкны ишысҳәахьоу еиԥш, ацхыраара аҟаҵара шәазхиаҵәҟьазарц азы. 4 Мамзар македониатәи аишьцәа сыцны инеир, шәшыхиамгьы рбар, баша ҳахьшәықәгәыӷуаз ҳара ҳзы иԥхашьарахоит, аха шәара шәзы еиҳагьы иԥхашьарахоит. 5 Убри аҟынтә аишьцәа ргәазҭасҵарц сыӡбеит заа шәара шәахь ицаны, ишышәҳәахьаз еиԥш гәыҭбаарала иҟашәҵарц ишәҭахыз аҳамҭа дырмазеирц. Усҟан иубарҭахоит уи гәык-ԥсыкала ишыҟашәҵо, аӡәгьы ишшәыдимцало.

6 Ишәхашәмыршҭын: илаиҵо иеигӡаны, имаҷны илазҵо иааирыхуа маҷхоит, иамеигӡакәа, меигӡарахда илазҵо иааирыхуа рацәахоит. 7 Дасу ишиӡбаз еиԥш иҟаиҵалааит, иҭахымкәа ма аӡәы идицалошәа акәымкәа, избанзар Анцәа бзиа дибоит дгәырӷьаҵәа егьырҭ ак рызҭо ауаҩы.

8 Уи инеиҳангьы, Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара гәыҭбаарала ишәиҭар илшоит, акы шәазгәаҟуа шәыҟамзарц, насгьы аус бзиақәа рыҟаҵаразы иаҭаху зегьы меигӡарахда ишәымазарц азы. 9 (Аҩыраҿы ишану еиԥш: «Иара имоу дамеигӡакәа ишоит; имоу арыцҳацәа ириҭоит. Ииашара наӡаӡа иҟазаауеит». 10 Меигӡарахда алаҵаҩ ажәла изҭо, ауаагьы ача рызҭо Анцәа шәаргьы илашәҵаша ажәла меигӡарахда ишәиҭоит. Иара шәиашара иаанаго аҽаҩра барақьаҭны иҟаиҵоит.) 11 Анцәа меигӡарахда дышәзылԥхоит, шәаргьы зегь рыла агәыҭбаара аашәырԥшларц азы. Усҟан ҳара ҳала ауаа ирзыҟашәҵо азы Анцәа иҭабуп ҳәа иарҳәалоит. 12 Ари амаҵзура хықәкыс иамоу иԥшьоу ирыгу-ирыбзоу аҿы ацхыраара рыҭара мацара акәӡам, ирацәаҩны ауаа уи азы Анцәа иҭабуп ҳәа иарҳәаларцгьы ауп. 13 Дара Анцәа дҳараркуеит, избанзар уи амаҵзура* ишьақәнарӷәӷәоит шәара зехьынџьара ауаа ирылашәҳәо Христос изку ажәабжь бзиа шәшацныҟәо. Иара убас ишәымоу гәыҭбаарала урҭ иахьрыцеиҩышәшо азгьы, егьырҭгьы иахьрыцеиҩышәшо азгьы Анцәа дҳараркуеит. 14 Дара ӷьаҵәыӷьаҵәуа шәара шәзы Анцәа иҳәалоит, бзиа шәырбалоит, избанзар Анцәа шәара шәахь шәзыԥсам ақьиара ду ааирԥшуеит.

15 Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит ажәала еиҭаҳәашьа змам иҳамҭа азы.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра