АЛАГАМҬА
1 Алагамҭазы Анцәа ишеит ажәҩани адгьыли.
2 Адгьыл ԥшрак амамкәа иҟан, иҭацәын, иҵаулаз аӡқәа алашьцара рхаԥаны иҟан, аӡқәа рханы Анцәа идоуҳа* аус ауан.
3 Анцәа иҳәеит: «Иҟалааит алашара». Алашарагьы ҟалеит. 4 Анцәа ибеит алашара шыбзиаз, убри аҟынтә иара алашареи алашьцареи реиҟәгара далагеит. 5 Анцәа алашара амш ахьӡиҵеит, алашьцара — аҵх. Ихәлеит, ишеит, актәи амш.
6 Анцәа иҳәеит: «Иҟалааит аӡқәа рыбжьара аиужьра*, аӡқәа рҽеиҩыршарц азы». 7 Усҟан Анцәа аиужьра ишан, аиужьра аҵаҟа иҟаз аӡи аҭацәыра аханы иҟаз аӡи еидигеит. Убас иагьыҟалеит. 8 Анцәа аиужьра ажәҩан ахьӡиҵеит. Ихәлеит, ишеит, аҩбатәи амш.
9 Анцәа иҳәеит: «Ажәҩан аҵаҟа иҟоу аӡы џьарак еизааит, адгьылгьы ааԥшааит». Убас иагьыҟалеит. 10 Анцәа аӡы ахьыҟамыз аҭыԥ адгьыл ахьӡиҵеит, еизаз аӡы — амшын. Анцәа уи шыбзиаз ибеит. 11 Нас Анцәа иҳәеит: «Иазҳааит адгьыл аҿы аҳаскьын, ажәла змоу аҵиаақәа, агәаӷь згәылоу ашәыр зҿало аҵлақәагьы хкы-хкыла». Убас иагьыҟалеит. 12 Адгьыл аҿы иазҳаит аҳаскьын, ажәла змоу аҵиаақәа, агәаӷь згәылоу ашәыр зҿало аҵлақәагьы хкы-хкыла. Анцәа ибеит уи шыбзиаз. 13 Ихәлеит, ишеит, ахԥатәи амш.
14 Анцәа иҳәеит: «Иҟалааит жәҩантәи аиужьраҿы амши аҵхи еидызго алашарбагақәа. Урҭ ашықәс аамҭақәеи, амшқәеи, ашықәсқәеи аадырԥшларц азы амаҵ рулааит. 15 Дара жәҩантәи аиужьраҿы илашалоит, адгьыл дырлашаларц азы». Убас иагьыҟалеит. 16 Анцәа алашарбага дуқәа ҩба ҟаиҵеит*: еиҳау алашарбага ҽынла илашаларц*, еиҵоу алашарбага уахынла илашаларц*, иара убас аеҵәақәагьы. 17 Анцәа урҭ жәҩантәи аиужьраҿы икыдиҵеит, адгьыл дырлашаларц, 18 амши аҵхи дырлашаларц*, насгьы алашареи алашьцареи еиҟәыргаларц азы. Анцәа ибеит уи шыбзиаз. 19 Ихәлеит, ишеит, аԥшьбатәи амш.
20 Анцәа иҳәеит: «Иҟалааит аӡаҿы зыԥсы ҭоу ашамҭақәа рацәаны, иԥыруа ашамҭақәагьы ԥыруа ажәҩан иалалааит*». 21 Нас Анцәа ишеит амшын иҭоу ашамҭа дуқәеи, аӡқәа ирҭоу зыԥсы ҭоу ашамҭақәеи хкы-хкыла, амҵәыжәҩақәа змоу ашамҭақәагьы хкы-хкыла. Анцәа ибеит уи шыбзиаз. 22 Усҟан Анцәа урҭ дрықәныҳәан, ус иҳәеит: «Шәыҿиала, шәеизҳала, амшынқәа шәырҭәла, ирацәахааит адгьыл аҿы иԥыруа ашамҭақәа». 23 Ихәлеит, ишеит, ахәбатәи амш.
24 Анцәа иҳәеит: «Иҟалааит адгьыл аҿы зыԥсы ҭоу ашамҭақәа хкы-хкыла: аҩнатә ԥстәқәеи, абнатә ԥстәқәеи, егьырҭ ашамҭақәеи* хкы-хкыла». Убас иагьыҟалеит. 25 Анцәа ишеит абнатә ԥстәқәеи аҩнатә ԥстәқәеи хкы-хкыла, егьырҭ ашамҭақәагьы хкы-хкыла. Анцәа ибеит уи шыбзиаз.
26 Анцәа иҳәеит: «Даҳшап* ауаҩы ҳара дҳаиԥшны, ҳара даҳҩызаны. Дырхагылазааит иара амшын иҭоу аԥсыӡқәеи, ажәҩан иалоу аԥсаатәқәеи, аҩнатә ԥстәқәеи, егьырҭ ашамҭақәеи, иара убас адгьыл зегь дахылаԥшлааит». 27 Анцәа ауаҩы иара диеиԥшны дишеит, Анцәа диеиԥшны дишеит уи. Иара ахаҵеи аԥҳәыси ишеит. 28 Анцәа урҭ дрықәныҳәан, ус иҳәеит: «Ахшара шәоула, шәыҿиала, адгьыл ықәшәырҭәаала, уи шәаԥшәымаз*, шәырхагылаз амшын иҭоу аԥсыӡқәа, ажәҩан иалоу аԥсаатәқәа, иара убас адгьыл иқәу егьырҭ ашамҭақәа зегьы».
29 Анцәа иҳәеит: «Сара адгьыл аҿы ажәла змоу аҵиаақәа зегь шәысҭеит, агәаӷь згәылоу ашәыр зҿало аҵлақәагьы зегь шәысҭеит. Уи фатәыс ишәзыҟалоит. 30 Адгьыл иқәу абнатә ԥстәқәа зегьы, аԥсаатәқәа зегьы, ԥсы зхоу егьырҭ ашамҭақәа зегьы фатәыс ииаҵәоу аҵиаақәа зегь рысҭеит». Убас иагьыҟалеит.
31 Анцәа иишаз зегь данахәаԥш, ишыбзиаз ибеит. Ихәлеит, ишеит, афбатәи амш.
2 Убасала Анцәа ажәҩани, адгьыли, иара убас урҭ злаҭәу зегьы* ршара хиркәшеит. 2 Абыжьбатәи амш алагаанӡа Анцәа иус хиркәшеит. Абыжьбатәи амш аҽны инаигӡаз аус аҟынтә иԥсы ашьара далагеит. 3 Анцәа абыжьбатәи амш дақәныҳәан, иԥшьоу мшны иҟаиҵеит, избанзар Анцәа игәы иҭеикыз зегь ишан, уи амш аҽны иԥсы ашьара далагеит.
4 Ари ажәҩани адгьыли аныҟалаз атәы зҳәо, Анцәа Иегова* адгьыли ажәҩани анишаз амш атәы зҳәо ҭоурыхуп.
5 Уи аамҭазы адгьыл аҿы ачықьқәеи егьырҭ аҵиаақәеи макьана иҟаӡамызт, избанзар Анцәа Иегова адгьыл ахь ақәа лаишьҭӡомызт, адгьыл иқәаарыхуаз ҳәагьы уаҩ дыҟамызт. 6 Аха адгьыл аҟынтә ахылҩа-ԥсылҩа ҩеиуан, адгьылгьы арԥсаҳәон.
7 Анцәа Иегова ауаҩы анышә далхны дишеит, нас иԥынҵа дҭаҭәҳәан, аԥсҭазаара ииҭеит, иаргьы зыԥсы ҭоу уаҩны* дҟалеит. 8 Анцәа Иегова Едем мрагыларатәи аган аҿы абаҳча ҟаиҵеит, иишаз ауаҩгьы уа дынирхеит. 9 Анцәа Иегова адгьыл аҿы улаԥш зыдхалоз, ашәыр бзиақәагьы зҿалоз еиуеиԥшым аҵлақәа еизирҳаит. Иара убас абаҳча агәҭаны еизирҳаит аԥсҭазаара аҵлеи ацәгьеи абзиеи уеилзыркаауа аҵлеи.
10 Едемынтәи аӡиас аауан. Иара абаҳча арԥсаҳәон, абаҳча ианалслак, ԥшь-ӡиаскны аҽеиҩнашон. 11 Актәи аӡиас Фисо́н ахьӡуп. Уи ахьы ахьыҟоу адгьыл Хави́ла зегьы иахыкәшаны ицоит. 12 Уи адгьыл иамоу ахьы даараӡа ибзиоуп. Иара убас уа иҟоуп афҩы хаа змоу аҷаби* аоникси. 13 Аҩбатәи аӡиас Гихо́н ахьӡуп. Уи адгьыл Куш зегьы иахыкәшаны ицоит. 14 Ахԥатәи аӡиас Хиддеке́ль* ахьӡуп. Уи Ассириа иаваршәны мрагыларахь ицоит. Аԥшьбатәи аӡиас Евфрат ахьӡуп.
15 Анцәа Иегова ауаҩы Едемтәи абаҳчаҿы дынирхеит, дықәаарыхларц, дагьахылаԥшларц азы. 16 Анцәа Иегова ауаҩы абас идиҵеит: «Абаҳчаҿы иҟоу аҵлақәа зегь рҟынтә узхара ашәыр уфалар улшоит. 17 Аха ацәгьеи абзиеи уеилзыркаауа аҵла иҿоу ашәыр умфан, избанзар уи ануфа аҽны хымԥада уԥсуеит».
18 Уи ашьҭахь Анцәа Иегова иҳәеит: «Ауаҩы ихала дыҟазар бзиаӡам. Дизысшап инаало, дхазырҭәаауа ацхырааҩ». 19 Анцәа Иегова анышә иалхны абнатә ԥстәқәеи иԥыруа ашамҭақәеи ишеит. Нас ауаҩ иахь рнагара далагеит, хьӡыс ириҭо ибарц азы. Зыԥсы ҭоу урҭ ашамҭақәа ауаҩы хьӡыс ириҭаз ауп ирыхьӡхазгьы. 20 Ауаҩы аҩнатә ԥстәқәеи, иԥыруа ашамҭақәеи, абнатә ԥстәқәеи ахьӡқәа риҭеит. Аха ауаҩы изы дҟамлеит инаалоз, дхазырҭәаауаз ацхырааҩ. 21 Усҟан Анцәа Иегова ауаҩы дҭаҳәахаа дирцәан, дыцәанаҵы иваҵкьарақәа руак аалихын, уи аҭыԥ цәеижьла ихиҩеит. 22 Анцәа Иегова ауаҩы илихыз аваҵкьыс аԥҳәыс далихын, ауаҩ иахь днеигеит.
23 Усҟан ауаҩы иҳәеит:
«Абар уажәшьҭа дахьыҟоу сыбаҩ иалху абаҩ,
Сцәеижь иалху ацәеижь.
Лара аԥҳәыс лыхьӡхоит,
Избанзар ахаҵа* дилхуп».
24 Убри аҟынтә ахаҵа иани иаби ааныжьны, еснагь иԥҳәыс длыцынхалоит*, усҟан ҩыџьа аӡәыкны* иҟалоит. 25 Аҩыџьагьы, ауаҩы иԥҳәыси иареи, рцәа хтын, аха иацәыԥхашьаӡомызт.
3 Амаҭ Анцәа Иегова иишаз аԥстәқәа зегьы рҟынтә зегь раасҭа згәызҽаныз* шамҭан. Амаҭ аԥҳәыс абас илазҵааит: «Иҳәаҵәҟьама Анцәа абаҳчаҿы игылоу аҵлақәа зегьы рҟынтә ашәыр шәфар ҟалаӡом ҳәа?» 2 Аԥҳәыс амаҭ ус алҳәеит: «Абаҳча иҭагылоу аҵлақәа ирҿоу ашәыр ҳфар ҟалоит. 3 Абаҳча агәҭаны игылоу аҵла иҿоу ашәыр заҵәык азоуп Анцәа абас зиҳәаз: „Ишәымфан уи иҿало ашәыр, шәагьаламкьысын, мамзар шәыԥсуеит“». 4 Усҟан амаҭ аԥҳәыс абас ланаҳәеит: «Мамоу, шәыԥсӡом. 5 Анцәа идыруеит уи ашәыр анышәфалак аҽны шәылақәа шаатуа, ацәгьеи абзиеи жәдыруа, Анцәа иеиԥш шәшыҟало».
6 Аԥҳәыс илбеит аҵла иҿаз ашәыр шыбзиаз, аҵлагьы шыԥшӡаз, уи убла хнакуан. Убри аҟынтә ашәыр ааҿылхын, афара далагеит. Нас лхаҵа данааи, лхаҵагьы илҭеит, иаргьы ифеит. 7 Усҟан рҩыџьагьы рылақәа аатын, рцәа шыхтыз еилыркааит. Убри аҟынтә алаҳабыӷьқәа еидырӡахылан, рыҽхырҩарц азы рӡара иакәыршаны иҿарҳәеит.
8 Аамҭак ашьҭахь дара амш аҩныҵҟа ианыхьшәашәараз аамҭазы абаҳчаҿы иныҟәоз Анцәа Иегова ибжьы раҳаит. Усҟан ауаҩы иԥҳәыси иареи абаҳчаҿы игылаз аҵлақәа рыбжьара Анцәа Иегова иҟынтә рҽырҵәахит. 9 Анцәа Иегова ауаҩы «уабаҟоу?» ҳәа изҿиҭуан. 10 Ԥыҭрак ашьҭахь ауаҩы иҳәеит: «Сара абаҳчаҿы убжьы саҳаит, аха сшәеит, избанзар сцәа хтуп. Убри аҟынтә сҽысҵәахит». 11 Анцәа дҵааит: «Уцәа шыхту уазҳәада? Ззин усымҭаз аҵла аҟынтә ашәыр ҿыхны иуфама?» 12 Ауаҩы иҳәеит: «Уара исуҭаз аԥҳәыс лоуп уи аҵла иҿаз ашәыр сызҭаз. Убри азоуп изысфаз». 13 Усҟан Анцәа Иегова аԥҳәыс ус леиҳәеит: «Иҟабҵаз закәи?» Аԥҳәыс ус лҳәеит: «Амаҭ сажьеит, убри азоуп изысфаз».
14 Анцәа Иегова амаҭ ус аиҳәеит: «Иҟауҵаз азы аҩнатә ԥстәқәеи абнатә ԥстәқәеи рыбжьара ушәиизаауеит. Уԥсы ахьынӡаҭоу умгәацәа уқәҳәазалоит, асабагьы уфалоит. 15 Сара аԥҳәыси уареи аиӷара шәыбжьасҵоит, уара иухылҵқәои лара лхылҵи рыбжьарагьы. Уара ишьхәа уацҳауеит, иара ухы даӷрагыланы ирҟьацуеит».
16 Аԥҳәыс ус леиҳәеит: «Бцәабтәымкәа баныҟало ахьаа ӷәӷәа бымазаауеит, ахшара данбоуло бгәаҟлоит. Бара бхаҵа бизгәышьлоит, иара — дбықәиҭны дҟалоит».
17 Адам* ус иеиҳәеит: «Уара уԥҳәыс улзыӡырҩны ззин усымҭаз аҵла аҟынтә ашәыр уфеит, „уи иҿоу ашәыр умфан“ ҳәа шуасҳәазгьы. Убри аҟынтә ишәиизаауеит адгьыл уара умшала. Уԥсы ахьынӡаҭоу ԥхӡашала* аџьабаа убалоит, ухы ныҟәугаларц азы. 18 Удгьыл аҿы амаӷқәеи аҳаскьын бааԥсқәеи ирызҳалоит, уара уакәзар, адәы иқәиаауа аҵиаақәа уфалоит. 19 Иуфаша ԥхӡашала аџьабаа бо уашьҭазаауеит, узлыху анышә ахь ухынҳәаанӡа, избанзар анышә ауп уара узлыху, анышәахьгьы ухынҳәуеит».
20 Уи ашьҭахь Адам иԥҳәыс Ева* лыхьӡиҵеит, избанзар лара адгьыл иқәынхо зегьы аныс дырзыҟалар акәын. 21 Анцәа Иегова Адам иԥҳәыси иареи рҽеиларҳәарц азы асахҭан* иалхны иауз амаҭәа рзыҟаиҵеит. 22 Анцәа Иегова ус иҳәеит: «Абар ауаҩы ҳара ҳаиԥш ацәгьеи абзиеи идыруа дҟалеит. Уажәшьҭа аԥсҭазаара аҵла иҿоу ашәыргьы ҿыхны имфарц, наӡаӡагьы днымхаларц азы...» 23 Абас ҳәаны, Анцәа Иегова ауаҩы Едемтәи абаҳча дҭицеит, дызлыхыз адгьыл дықәаарыхларц азы. 24 Данҭица ашьҭахь, Едемтәи абаҳча мрагыларатәи аган аҿы игьежьуаз аҳәамца рыҭаны ахерувимцәа иргылеит, аԥсҭазаара аҵлахь уназгоз амҩа рыхьчаларц азы.
4 Адам иԥҳәыс Ева длыцышьҭалан, лцәалтәымкәа дҟалеит. Каин данлоу, ус лҳәеит: «Иегова ицхыраарала аԥа дсоуит». 2 Нас лара иашьа Авельгьы длоуит.
Авель аԥсаса ихьчон, Каин адгьыл дықәаарыхуан. 3 Ԥыҭрак ашьҭахь Каин иааирыхыз Иегова кәырбанс изнеигеит. 4 Авель иакәзар, иԥсаса аҟынтә раԥхьа ииз асарақәа рышшеи дареи неигеит. Иегова Авель дизыразхеит, икәырбангьы идикылеит, 5 Каин дизыразымхаӡеит, икәырбангьы идимкылаӡеит, убри азы Каин иԥсахы еибакын, илахь ааиқәышьшьит. 6 Усҟан Иегова Каин иеиҳәеит: «Уԥсахы зеибаки? Улахь зеиқәышьшьуи? 7 Абзиара ҟауҵалар, сузыразымхаӡои? Абзиара ҟаумҵозар, агәнаҳа аҽаҵәахны ашә аҿы иԥшуп, уатәнатәырц азы. Уаԥшәымахома уара уи?»
8 Уи ашьҭахь Каин иашьа Авель ус иеиҳәеит: «Уаала амнахь». Уа ианнеи, Каин иашьа Авель дишьит. 9 Иегова Каин диазҵааит: «Уашьа Авель дабаҟоу?» Каин иҳәеит: «Иалыздырааи, сашьа ихьчаҩ соума?» 10 Анцәа иҳәеит: «Иҟауҵеи? Уӡырҩи! Уашьа ишьа адгьыл аҟынтә иҵәаа-ҵәаауа сара сҿы аиашара иаҳәоит. 11 Уажәшьҭа уара ушәиуп. Сара икоуҭәаз уашьа ишьа зжәыз адгьыл аҟынтә уқәысцоит. 12 Адгьыл уанықәаарыхло аҽаҩра унаҭалаӡом. Уара ҭыԥ умамкәа, уҟьаланы адгьыл уқәзаауеит, анахь-арахь убналалоит». 13 Каин Иегова ус иеиҳәеит: «Иҟасҵаз ацәгьоуразы сзықәуршәо мыцхәы иџьбароуп, уи сзыхгаӡом. 14 Уара иахьа ари адгьыл сықәуцоит, улагьы уаҳа сабаӡом. Сара ҭыԥ сымамкәа, сҟьаланы адгьыл сықәзаауеит, амҩан исԥыло дарбанзаалак симшьыкәа саанижьӡом». 15 Иегова ус иҳәеит: «Усҟан Каин дызшьуа бжьынтә иқәнага дақәыршәахоит».
Иегова Каин изы адырга* ҟаиҵеит, иԥыло аӡәгьы димшьырц азы. 16 Каин Иегова иҟынтә дцан, Едемынтәи мрагыларатәи аган аҿы ишьҭаз Нод* адгьыл аҿы анхара далагеит.
17 Уи ашьҭахь Каин иԥҳәыс длыцышьҭалеит. Лара лцәалтәымкәа дҟалан, Ено́х длоуит. Нас Каин ақалақь иргылан, иԥа Ено́х ихьӡ ахиҵеит. 18 Ԥыҭрак ашьҭахь Ено́х Ира́д дихылҵит. Ира́д Мехиае́ль дихылҵит, Мехиае́ль Мафуса́л дихылҵит, Мафуса́л Ламе́х дихылҵит.
19 Ламе́х ҩыџьа аҳәса игеит. Аӡәы А́да лыхьӡын, егьи — Ци́лла. 20 А́да Иава́л дылхылҵит. Иара иоуп раԥхьаӡа акәны ақьалақәа рҿы анхара иалагаз, арахәгьы анызҵаз. 21 Иашьа Иува́л ихьӡын. Иува́л иоуп раԥхьаӡа акәны аҩымааи аҿарпыни арҳәара иалагаз. 22 Ци́лла аихеи абҩеи ирылхны еиуеиԥшым амыругақәа ҟазҵоз ажьи Тува́л-Ка́ин дылхылҵит. Тува́л-Ка́ин иаҳәшьа Наа́ма лакәын. 23 Ламе́х иҳәса, А́деи Ци́ллеи, ус реиҳәеит:
«Шәысзыӡырҩы, Ламе́х иҳәсақәа,
Шәлымҳа кыдҵаны исҳәо шәазыӡырҩы.
Ауаҩы дысшьит сахьихәыз азы,
Ааи, арԥыс — дахьсысыз азы.
24 Каин дызшьуа бжьынтә иқәнага дақәдыршәозар,
Ламе́х дызшьуа — 77-нтә».
25 Адам еиҭа иԥҳәыс длыцышьҭалан, аԥа длоуит. Лара: «Анцәа Авель иҭыԥан даҽа ҵеик дсиҭеит*, избанзар Каин уи дишьит», — лҳәан, ииз лԥа Сиф* ихьӡылҵеит. 26 Сифгьы аԥа диоуит, уи Ено́с ихьӡиҵеит. Уи аамҭазы ауаа Иегова ихьӡ ҳәо иҳәара иалагеит.
5 Абар Адам ишьҭра атәы зҳәо ашәҟәы. Анцәа Адам даниша аҽны иара диеиԥшны дишеит. 2 Иара ахаҵеи аԥҳәыси ишеит. Ианиша аҽны урҭ дрықәныҳәан, «ауаҩы»* ҳәа рыхьӡиҵеит.
3 Адам 130 шықәса анниҵ, иара иеиԥшыз аԥа диоуит. Уи Сиф ихьӡиҵеит. 4 Сиф дани ашьҭахь Адам иҵегь 800 шықәса дынхон, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан. 5 Адам 930 шықәса ниҵит, нас дыԥсит.
6 Сиф 105 шықәса анниҵ, Ено́с дихылҵит. 7 Ено́с дани ашьҭахь Сиф иҵегь 807 шықәса дынхон, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан. 8 Сиф 912 шықәса ниҵит, нас дыԥсит.
9 Ено́с 90 шықәса анниҵ, Каина́н дихылҵит. 10 Каина́н дани ашьҭахь Ено́с иҵегь 815 шықәса дынхон, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан. 11 Ено́с 905 шықәса ниҵит, нас дыԥсит.
12 Каина́н 70 шықәса анниҵ, Малелеи́л дихылҵит. 13 Малелеи́л дани ашьҭахь Каина́н иҵегь 840 шықәса дынхон, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан. 14 Каина́н 910 шықәса ниҵит, нас дыԥсит.
15 Малелеи́л 65 шықәса анниҵ, Иаре́д дихылҵит. 16 Иаре́д дани ашьҭахь Малелеи́л иҵегь 830 шықәса дынхон, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан. 17 Малелеи́л 895 шықәса ниҵит, нас дыԥсит.
18 Иаре́д 162 шықәса анниҵ, Ено́х дихылҵит. 19 Ено́х дани ашьҭахь Иаре́д иҵегь 800 шықәса дынхон, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан. 20 Иаре́д 962 шықәса ниҵит, нас дыԥсит.
21 Ено́х 65 шықәса анниҵ, Мафуса́л дихылҵит. 22 Мафуса́л дани ашьҭахь Ено́х 300 шықәса Анцәа ду* дицын, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан. 23 Ено́х 365 шықәса дынхон. 24 Ено́х Анцәа ду дицын, нас уаҳа аӡәгьы димбаӡеит, избанзар Анцәа дигеит.
25 Мафуса́л 187 шықәса анниҵ, Ламе́х дихылҵит. 26 Ламе́х дани ашьҭахь Мафуса́л иҵегь 782 шықәса дынхон, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан. 27 Мафуса́л 969 шықәса ниҵит, нас дыԥсит.
28 Ламе́х 182 шықәса анниҵ, аԥа диоуит. 29 Уи Нои* ихьӡиҵан, ус иҳәеит: «Иара Иегова иишәииз адгьыл аҿы иаҳбо аџьабаа аҟынтә аԥсеивгара* ҳаиҭоит, ԥхӡашала иаҳбо аџьабаа аҟынтә ҳаԥсы ҳиршьоит». 30 Нои дани ашьҭахь Ламе́х иҵегь 595 шықәса дынхон, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан. 31 Ламе́х 777 шықәса ниҵит, нас дыԥсит.
32 Нои 500 шықәса анихыҵ ашьҭахь ахшара иоуит. Урҭ ирыхьӡын Сим, Хам, Иафе́т.
6 Адгьыл аҿы ауаа еиҳа-еиҳа ирацәахон, аԥҳацәагьы роуан. 2 Анцәа ду иԥацәа* ауаа рыԥҳацәа шыԥшӡаз анырба, иааргәаԥхоз зегьы ԥҳәысс ргара иалагеит. 3 Усҟан Иегова иҳәеит: «Сара ауаа наӡаӡа исычҳалаӡом, избанзар дара агәнаҳа иаҵоуп*. Убри аҟынтә ирзынхаз 120 шықәса роуп».
4 Уи аамҭазы адгьыл аҿы анефили́мцәа* ыҟан. Анцәа ду иԥацәа ауаа рыԥҳацәа ирыцышьҭалон, аԥацәагьы роуан. Урҭ ажәытәан зегь еицырдыруаз, даара иӷәӷәаз хацәан.
5 Иегова ибеит ауаа рус ҟьашьқәа адгьыл ишахыҵәаз, насгьы цәгьамзар бзиарак шырымхәыцуаз. 6 Усҟан Иегова адгьыл аҿы ауаа ахьишаз дахьхәит*, даарагьы игәы ихьит. 7 Убри аҟынтә Иегова иҳәеит: «Сара адгьыл аҟынтә иҟаӡамызшәа иқәысхуеит исшаз ауаа. Урҭ инарываргыланы иқәысхуеит аҩнатә ԥстәқәеи, иԥыруа ашамҭақәеи, егьырҭ ашамҭақәеи, избанзар иахьысшаз сахьхәит». 8 Аха Нои Иегова игәы дахәон.
9 Абар Нои иҭоурых.
Нои дуаҩ иашан, иара ихаан инхоз ауаа дреиԥшӡамызт, вба имамызт. Нои Анцәа ду дицын*. 10 Нои хҩык аԥацәа ихылҵит: Сим Хам, Иафе́т. 11 Анцәа ибеит адгьыл акгьы иаԥсамкәа ишыҟалаз, ацәгьоурақәа рылагьы ишҭәыз. 12 Ааи, Анцәа адгьыл данахәаԥш, ибеит уи акгьы иаԥсамкәа ишыҟалаз; ауаа зегьы цәгьамзар бзиарак ҟарҵаӡомызт.
13 Усҟан Анцәа Нои ус иеиҳәеит: «Сара ауаа зегь ықәызгарц сыӡбеит, избанзар адгьыл згәыжәла цәгьоу ауаа рыла иҭәит, убри аҟынтә инсырҵәоит, адгьылгьы ҭасырцәуеит. 14 Уара аҷаб змоу аҵла иалху амҿымаҭәахә ала аковчег* ҟаҵа. Аковчег аҿы еиҩкааны, хаз-хазы аҭыԥқәа ҟаҵа, аковчег адәахьгьы аҩныҵҟагьы акаҭран* ахьшьы. 15 Иургыло аковчег абас иҟазароуп: аура — 134 метра*, аҭбаара — 22 метра*, аҳаракыра — 13 метра*. 16 Аковчег ахыб илаҵакны мышьхәылҵк* иаҟароу алашаразы аҭыԥ* аартны иныжь. Аҩналарҭа аковчег аган аҿы иҟаҵа. Иҟаҵа актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аихагыла.
17 Сара адгьыл аҿы аӡқәа хыҵыртә иҟасҵоит, ажәҩан аҵаҟа ԥсы зхоу* зегьы ықәысхырц азы. Адгьыл иқәу зыԥсы ҭоу зегьы ԥсуеит. 18 Аха уареи сареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьасҵоит. Уара аковчег уҭалоит, уахь иуцҭалоит уҷкәынцәеи, уԥҳәыси, уҭацацәеи. 19 Аковчег иҭагал аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи зегь рыхкы ҩба-ҩбала, аӡӷаби аҷкәыни, даргьы еиқәхарц азы, 20 иҭагал иԥыруа ашамҭақәеи, аҩнатә ԥстәқәеи, егьырҭ ашамҭақәеи зегь рыхкы ҩба-ҩбала. Дара аковчег иҭалоит рыԥсы еиқәхарц азы. 21 Иара убас аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи, уареи ишәызхаша хкы-хкыла афатә еизга».
22 Нои Анцәа ишиеиҳәаз еиԥш зегь ҟаиҵеит. Убас иагьыҟаиҵеит.
7 Усҟан Иегова Нои ус иеиҳәеит: «Уҭаацәа уманы аковчег уҭал, избанзар сара избоит ушуаҩ иашоу, ари абиԥара иатәу ауаа ушреиԥшым. 2 Ига ицқьоу аԥстәқәа рыхкқәа зегь рҟынтә быжьба-быжьба*, аҷкәыни аӡӷаби, ицқьам аԥстәқәа рыхкқәа зегь рҟынтә акәзар, ҩба-ҩба мацара, аҷкәыни аӡӷаби; 3 иԥыруа ашамҭақәагьы быжьба-быжьба*, аҷкәыни аӡӷаби, рышьҭра мыӡкәа адгьыл зегь аҿы иҟазарц азы. 4 Бжьымш рышьҭахь сара адгьыл ахь ақәа ласышьҭуеит. Уи уахи-ҽни 40 мшы иаулоит, убас исшаз зыԥсы ҭоу зегьы адгьыл иқәысхуеит». 5 Нои Иегова иеиҳәаз зегь ҟаиҵеит.
6 Аӡхыҵра аныҟалаз Нои 600 шықәса ихыҵуан. 7 Аӡы алеира иалагаанӡа Нои иԥацәеи, иԥҳәыси, иҭацацәеи иманы аковчег дҭалеит. 8 Ицқьоу аԥстәқәа рыхкқәа зегьы рҟынтә, ицқьам аԥстәқәа рыхкқәа зегьы рҟынтә, иԥыруаз ашамҭақәа рыхкқәа зегьы рҟынтә, адгьыл иқәу егьырҭ ашамҭақәа рыхкқәа зегьы рҟынтә 9 ҩба-ҩбала, аӡӷаби аҷкәыни, Нои дызҭалаз аковчег иҭалеит, Анцәа Нои ишиеиҳәаз еиԥш. 10 Бжьымш рышьҭахь ақәа алеира иалагеит, аӡқәагьы шьҭыҵны адгьыл иахыҵәо иалагеит.
11 Нои 600 шықәса данырҭагылаз, аҩбатәи амза 17-тәи амш аҽны аӡқәа рыҭра ԥжәеит, ажәҩан агәашәқәа аатит. 12 Ақәа уахи-ҽни иааҟәымҵӡакәа 40 мшы адгьыл ахь илеиуан. 13 Убри аҽны Нои иԥацәа — Си́ми, Ха́ми, Иафе́ти, иара убас иԥҳәыси, иҭацацәеи иманы аковчег дҭалеит. 14 Урҭ ирыцҭалеит абнатә ԥстәқәа зегь рыхкқәа, аҩнатә ԥстәқәа зегь рыхкқәа, адгьыл иқәу егьырҭ ашамҭақәа зегь рыхкқәа, иара убас аԥсаатәи иԥыруа егьырҭ ашамҭақәеи зегь рыхкқәа. 15 Дара ҩба-ҩбала Нои дызҭалаз аковчег иҭалон, зыԥсы ҭаз* зегь рыхкқәа. 16 Аковчег иҭалеит зыԥсы ҭаз ашамҭақәа зегь рыхкқәа, аӡӷаби аҷкәыни, Анцәа Нои ишиеиҳәаз еиԥш. Уи ашьҭахь Иегова ашә аиркит.
17 Ақәа ааҟәымҵӡакәа 40 мшы илеиуан. Аӡы анышьҭыҵ, аковчег ханагалеит, иаргьы ӡсо аӡ ду ихын. 18 Аӡы еиҳа-еиҳа ихало адгьыл иахыҵәон, аковчеггьы ӡсо аӡы ихын. 19 Аӡы убриаҟара ишьҭыҵит, адгьыл зегь аҿы иҟаз ашьха ҳаракқәа зегь ирхыҵәеит. 20 Аӡы ашьхақәа инархыҳәҳәаны 6 метраки бжаки* раҟара ишьҭыҵит.
21 Адгьыл иқәыз ԥсы зхаз зегьы нҵәеит: иԥыруаз ашамҭақәа, аҩнатә ԥстәқәа, абнатә ԥстәқәа, аԥстә хәыҷқәа*, иара убас ауаа зегьы. 22 Адгьыл иқәыз зыԥсы ҭаз, зыԥсыԥ лазга-ҩазгоз зегьы ԥсит. 23 Убас Анцәа адгьыл иқәыз зыԥсы ҭаз зегь ықәихит: ауаа, аҩнатә ԥстәқәа, абнатә ԥстәқәа, иԥыруа ашамҭақәеи егьырҭ ашамҭақәеи. Иара урҭ зегьы нирҵәеит. Иаанхаз Нои аковчег ицҭази иареи роуп. 24 Аӡы адгьыл иахыҵәаны 150 мшы игылан.
8 Анцәа Нои дихамышҭӡеит*, иара убас ихамышҭӡеит аковчег ицҭаз абнатә ԥстәқәеи аҩнатә ԥстәқәеи. Анцәа аԥша ӷәӷәа аирсын, аӡы атәара иалагеит. 2 Аӡқәа рыҭрақәеи ажәҩан агәашәқәеи акын, ақәа аура иаҟәыҵит. 3 Аӡы хәыҷы-хәыҷла атәара иалагеит. 150 мшы рышьҭахь зынӡа имаҷхеит. 4 7-тәи амза 17-тәи амш аҽны аковчег Арарат ашьхаҿы иаангылеит. 5 Аӡы 10-тәи амзанӡа хәыҷы-хәыҷла ацара иаҿын. 10-тәи амза актәи амш аҽны ашьхақәа рхықәцәқәа ааԥшит.
6 40 мшы рышьҭахь Нои аковчег аҿы иҟаиҵаз аԥенџьыр ааиртын, 7 алаҳәа ауишьҭит. Уи ԥырны ицон, аха ихынҳәуан, адгьыл бахҵәаӡа иҟалаанӡа.
8 Нас Нои аҳәыҳә ауишьҭит, адгьыл аӡы ықәу-иқәму еиликаарц азы. 9 Аха аҳәыҳә ахьтәо азымԥшааӡеит азы, аковчег ахь ихынҳәит, избанзар адгьыл макьана аӡы ықәын. Усҟан Нои инапы наирххан, аҳәыҳә аковчег иҭеигалеит. 10 Даҽа бжьымшы дааԥшын, аҳәыҳә еиҭа идәықәиҵеит. 11 Ахәылбыҽха аҳәыҳә амаслинаҵла абӷьы ԥшқа аҿыҵакны Нои иахь ихынҳәит. Усҟан Нои еиликааит адгьыл аӡы шықәбаз. 12 Даҽа бжьымшы дааԥшын, аҳәыҳә еиҭа идәықәиҵеит, аха уи уаҳа имхынҳәӡеит.
13 601 шықәсазы актәи амза актәи амш аҽны адгьыл аӡы ықәбеит. Нои аковчег ҭыԥк аҿы ахыб амихын, ибеит адгьыл абара ишаҿыз. 14 Аҩбатәи амза 27-тәи амш аҽны адгьыл зынӡа ибахҵәаӡа иҟалеит.
15 Усҟан Анцәа Нои ус иеиҳәеит: 16 «Уԥҳәыси, уҷкәынцәеи, уҭацацәеи уманы аковчег уҭыҵ. 17 Иара убас идәылга зыԥсы ҭоу ашамҭақәа зегьы, иԥыруа ашамҭақәа, аҩнатә ԥстәқәа, абнатә ԥстәқәа, иара убас егьырҭ ашамҭақәа зегьы, урҭ ҿианы адгьыл ықәдырҭәаарц азы».
18 Ноигьы иԥҳәыси, иҷкәынцәеи, иҭацацәеи иманы аковчег дҭыҵит. 19 Иара убас аковчег иҭыҵит гәыԥ-гәыԥла зыԥсы ҭоу ашамҭақәа зегьы, иԥыруа ашамҭақәеи егьырҭ ашамҭақәеи — адгьыл иқәу ашамҭақәа зегьы. 20 Нои Иегова изы акәырбаннагарҭа иргылан, ицқьаз аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи иган, ирбылуа кәырбанқәас акәырбаннагарҭаҿы иблит. 21 Иегова афҩы хаа* иаҳаит. Убри аҟынтә Иегова гәаныла иҳәеит: «Уаҳа ахаангьы ауаҩы ихырҟьаны адгьыл сшәиӡом, избанзар уи дхәыҷы аахыс ихәыцрақәеи игәаҳәарақәеи ҟьашьуп. Уаҳа ахаан зыԥсы ҭоу акы ықәысхраны сыҟаӡам. 22 Адгьыл ыҟанаҵы лаҵара аамҭеи ҭагалара аамҭеи, ахьҭеи ашоуреи, аԥхыни аӡыни, амши аҵхи еснагь иҟазаауеит».
9 Анцәа Нои иԥацәеи иареи дрықәныҳәан, ус реиҳәеит: «Ахшара шәоула, шәыҿиала, адгьыл ықәшәырҭәаала. 2 Адгьыл иқәу агыгшәыгқәа зегьы, ажәҩан иалоу аԥсаатәқәа зегьы, амшын иҭоу аԥсыӡқәа зегьы, иара убас зыԥсы ҭоу егьырҭ ашамҭақәа зегь шәыцәшәалоит, шәҿаԥхьа ишәаӡыӡалоит. Дара шәнапаҵаҟа иҟалоит. 3 Сара зыԥсы ҭоу аԥстәқәа зегьы фатәыс ишәысҭоит, аҵиаақәа фатәыс ишшәысҭаз еиԥш. 4 Амала акәац ашьа шалоу ишәымфалан, избанзар ашьа ԥсҭазаароуп. 5 Ауаҩы ишьа казҭәо зыԥсы ҭоу иарбан шамҭазаалак аҭак аҟаҵара иаасыԥхьоит; дарбанзаалак ауаҩы иашьа иԥсҭазаара азгьы аҭак сиҭоит. 6 Аӡәы ауаҩы ишьа кеиҭәар, иара ишьагьы ауаҩы ила икаҭәахоит, избанзар Анцәа ауаҩы иара диеиԥшны дишеит. 7 Шәара шәакәзар, ахшара шәоула, шәыҿиала, адгьыл ықәшәырҭәаала, хыԥхьаӡарала шәеиҳахала».
8 Нас Анцәа Нои иԥацәеи иареи ус реиҳәеит: 9 «Сара аиқәшаҳаҭра бжьасҵоит шәареи сареи ҳабжьара, ишәхылҵқәои сареи ҳабжьара, 10 иара убас аковчег ишәыцҭыҵыз зыԥсы ҭоу ашамҭақәеи сареи ҳабжьара: иԥыруа ашамҭақәа, аҩнатә ԥстәқәа, абнатә ԥстәқәа — адгьыл иқәу зыԥсы ҭоу аԥстәқәа зегьы. 11 Шәареи сареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьасҵоит: сара зыԥсы ҭоу зегьы уаҳа ахаан ӡыла инсырҵәаӡом, уаҳа ахаан аӡхыҵра адгьыл ықәнахӡом».
12 Анцәа иациҵеит: «Шәареи сареи ҳабжьара, иара убас зыԥсы ҭоу аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи сареи ҳабжьара ибжьасҵо аиқәшаҳаҭра ишәышьҭанеиуа абиԥарақәагьы ирыҵанакуеит. Абар уи шьақәзырӷәӷәо адырга. 13 Сара ишәысҭоит аԥҭа иагәылоу сыцәаҟәа, уи адгьыли сареи иҳабжьасҵаз аиқәшаҳаҭра иадыргахоит. 14 Ажәҩан аԥҭақәа анхысҵалак, ацәаҟәа цәырҵлоит. 15 Убасҟан сара исгәалашәоит шәареи сареи ҳабжьара, иара убас зыԥсы ҭоу ашамҭақәеи сареи ҳабжьара ибжьасҵаз аиқәшаҳаҭра, убри аҟынтә уаҳа ахаан аӡы зыԥсы ҭоу зегь ықәнахӡом. 16 Ажәҩан аҿы ацәаҟәа анцәырҵлак, сара уи збоит, иагьсгәалашәоит адгьыл иқәынхо ԥсы зхоу зегьи сареи иҳабжьасҵаз наӡаӡатәи аиқәшаҳаҭра».
17 Анцәа Нои даҽазнык иеиҳәеит: «Ари адгьыл иқәу ԥсы зхоу зегьи сареи иҳабжьасҵо аиқәшаҳаҭра адырга ауп».
18 Аковчег иҭыҵыз Нои иԥацәа ирыхьӡын Сим, Хам, Иафе́т. Ԥыҭрак ашьҭахь Хам Ханаа́н дихылҵит. 19 Абарҭ ахҩык Нои иԥацәа ракәын. Дара ирхылҵыз роуп адгьыл зегь ықәзырҭәааз.
20 Нои адгьыл ақәаарыхра далаган, аӡахәа еиҭеиҳаит. 21 Ҽнак зны аҩы анижә дашьын, иқьалаҿы акгьы ишәӡамкәа дықәиан. 22 Ханаа́н иаб Хам иаб дшыхтыз ибеит. Нас дындәылҵын, ҩыџьа иашьцәа иреиҳәеит. 23 Усҟан Си́ми Иафе́ти амаҭәа аашьҭырхын, рыжәҩахыр аҿы еиҵырхын, раб иахь имԥшӡакәа, рышьҭахь иеирханы иҩналан иқәдыршәит. Дара раб иахь иԥшӡомызт азы дшыхтыз рымбаӡеит.
24 Нои иижәыз ихыԥсааны данааԥш, иԥеиҵбы иҟаиҵаз еиликаан, 25 ус иҳәеит:
«Дшәиизааит Ханаа́н!
Иашьцәа рҿы иара зегь иреиҵоу маҵуҩны дҟалааит».
26 Иагьациҵеит:
«Аҽхәаԥхьыӡ игымзааит Сим Инцәа Иегова!
Ханаа́н Сим димаҵуҩхааит.
27 Еиҳагьы ирыциҵааит Анцәа Иафе́т идгьылқәа,
Дагьынхалааит Иафе́т Сим иқьалақәа рҿы.
Дҟалааит Ханаа́н маҵуҩыс уи иҿгьы».
28 Аӡхыҵра ашьҭахь Нои иҵегь 350 шықәса дынхон. 29 Нои 950 шықәса ниҵит, нас дыԥсит.
10 Абар Нои иԥацәа Си́ми, Ха́ми, Иафе́ти ирхылҵқәаз.
Аӡхыҵра ашьҭахь дара аԥацәа роуит. 2 Иафе́т иԥацәа: Гоме́р, Маго́г, Мада́и, Иава́н, Тува́л, Меше́х, Тира́с.
3 Гоме́р иԥацәа: Ашкена́з, Рифа́т, Тога́рма.
4 Иава́н иԥацәа: Ели́ша, Тарши́ш, Китти́м, Додани́м.
5 Урҭ ирхылҵыз роуп дасу изҵанакуаз абызшәақәеи, аҭаацәарақәеи, ажәларқәеи рыла рҽеидкыланы адгьылбжьахақәа* рҿы анхара иалагаз.
6 Хам иԥацәа: Куш, Мицраи́м, Пут, Ханаа́н.
7 Куш иԥацәа: Сева, Хави́ла, Са́вта, Раа́ма, Савте́ха.
Раа́ма иԥацәа: Ше́ва, Деда́н.
8 Куш дихылҵит Ни́мрод. Ни́мрод амч ӷәӷәа змаз уаҩын. Иара иаԥхьа адгьыл аҿы ус иӷәӷәаз уаҩ дыҟамызт. 9 Иара Иегова иҿагылоз шәарыцаҩ ӷәӷәахеит. Убри азоуп абас зырҳәоз: «Иегова иҿагылоз ашәарыцаҩ ӷәӷәа Ни́мрод иеиԥш». 10 Иаҳра раԥхьатәи ақалақьқәа рахь иаҵанакуан Вавилон, Ере́х, Акка́д, иара убас адгьыл Сеннаа́р иатәыз Ха́лне. 11 Уи адгьыл аҟынтә иара Ассириаҟа дцеит, уа иргылеит Нине́виа, Рехово́т-Ир, Кала́х, 12 иара убас Нине́виеи Кала́хи рыбжьара Ресе́н. Уи қалақь дууп*.
13 Мицраи́м ихылҵит Луди́м, Анами́м, Легави́м, Нафтухи́м, 14 Патруси́м, филисти́маа зхылҵыз Каслухи́м, Кафтари́м.
15 Ханаа́н дихылҵит Сидон, раԥхьатәи иԥа, нас Хет. 16 Иара убас уи ихылҵит иеву́саа, аморе́иаа, гирга́шаа, 17 хиве́иаа, арке́иаа, сине́иаа, 18 арва́даа, цемаре́иаа, хама́таа. Ԥыҭрак ашьҭахь ханаа́наа рҭаацәарақәа ԥсаҟьаны адунеи иалаԥсеит. 19 Ханаа́наа рыдгьыл ахь иаҵанакуан Сидон инаркны Газа азааигәара иҟоу Гера́рынӡа ишьҭоу адгьылқәа, иара убас Лаш азааигәара иҟоу Содо́ми, Гомо́рреи, А́дмеи, Цевои́ми рҟынӡа ишьҭоу адгьылқәа. 20 Арҭ Хам иԥацәа роуп дасу изҵанакуаз рҭаацәарақәеи, рбызшәақәеи, рыдгьылқәеи, рыжәларқәеи рыла.
21 Еве́р иԥацәа зегь рышьҭра зҿынтә иаауаз Симгьы ахшара иоуит. Сим аишьцәа иреиҳабыз Иафе́т иашьа иакәын*. 22 Сим иԥацәа: Ела́м, Ашшу́р, Арфакса́д, Луд, Ара́м.
23 Ара́м иԥацәа: Уц, Хул, Гете́р, Маш.
24 Арфакса́д дихылҵит Шела́х, Шела́х дихылҵит Еве́р.
25 Еве́р ҩыџьа аԥацәа иоуит. Руаӡәк Фале́к* ихьӡын, избанзар иара ихаан адгьыл* еиҩыршеит. Иашьа Иокта́н ихьӡын.
26 Иокта́н ихшеит Алмода́д, Шале́ф, Хацармаве́т, Иера́х, 27 Гадора́м, Уза́л, Ди́кла, 28 Ова́л, Авимаи́л, Ше́ва, 29 Офи́р, Хави́ла, Иова́в. Арҭ зегьы Иокта́н иԥацәа роуп.
30 Дара Меш инаркны Мрагылара иҟоу ашьхараҿы ишьҭоу Сефа́рынӡа инхон.
31 Арҭ Сим иԥацәа роуп дасу изҵанакуаз рҭаацәарақәеи, рбызшәақәеи, рыдгьылқәеи, рыжәларқәеи рыла.
32 Арҭ Нои иԥацәа рҭаацәарақәа роуп дасу изҵанакуаз рышьҭрақәеи рыжәларқәеи рыла. Убарҭ ирхылҵыз ажәларқәа роуп аӡхыҵра ашьҭахь иԥсаҟьаны адгьыл иқәынхо иалагаз.
11 Усҟантәи аамҭазы адгьыл аҿы инхоз ауаа зегьы бызшәак ала акәын ишцәажәоз, рхы иадырхәоз ажәақәагьы еиԥшын. 2 Мрагыларахь ицо ишнеиуаз, Сеннаа́р адгьыл аҿы акаршәра рбан, уа анхара иалагеит. 3 Дара ус еибырҳәеит: «Шәааи, ақьырмыт ҟаҵаны, амца ахаҳҟьап». Дара ахаҳә аҭыԥан ақьырмыт рхы иадырхәон, аршьышьы аҭыԥан — асфальт*. 4 Усҟан дара ирыӡбеит: «Шәааи ҳхазы ақалақь ҳаргылап, ажәҩан аҟынӡа инаӡо абаашгьы ҳаргылап, усҟан ҳахьӡ зегьы еицырдыруа иҟалоит, адгьылгьы ҳаԥсаҟьаны ҳалаԥсаӡом».
5 Иегова ауаа идыргыло ақалақьи абааши дахәаԥшырц азы дылбааит. 6 Нас Иегова ус иҳәеит: «Абарҭ зегьы жәларык роуп, излацәажәогьы бызшәак ауп, абар дара злагаз. Уажәы дара ргәы иҭаркыз зегь нарыгӡоит. 7 Ҳалбааны рбызшәа еилаҳгап, изеилибамкааларц азы». 8 Иегова урҭ уантәи иԥсаҟьаны адгьыл зегь иалеиҵеит, убри аҟынтә ақалақь аргылара иаҟәыҵит. 9 Убри азоуп уи ақалақь Вавилон* захьӡырҵаз, избанзар Иегова ауаа еиуеиԥшым абызшәақәа риҭеит*. Иегова урҭ уантәи иԥсаҟьаны адгьыл зегь иалеиҵеит.
10 Абар Сим ихылҵқәаз.
Аӡхыҵра ашьҭахь ҩышықәса анҵы, Сим 100 шықәса анихыҵуаз, Арфакса́д дихылҵит. 11 Арфакса́д дани ашьҭахь Сим иҵегь 500 шықәса дынхон, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан.
12 Арфакса́д 35 шықәса анихыҵуаз, Шела́х дихылҵит. 13 Шела́х дани ашьҭахь Арфакса́д иҵегь 403 шықәса дынхон, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан.
14 Шела́х 30 шықәса анихыҵуаз, Еве́р дихылҵит. 15 Еве́р дани ашьҭахь Шела́х иҵегь 403 шықәса дынхон, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан.
16 Еве́р 34 шықәса анихыҵуаз, Фале́к дихылҵит. 17 Фале́к дани ашьҭахь Еве́р иҵегь 430 шықәса дынхон, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан.
18 Фале́к 30 шықәса анихыҵуаз, Ре́у дихылҵит. 19 Ре́у дани ашьҭахь Фале́к иҵегь 209 шықәса дынхон, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан.
20 Ре́у 32 шықәса анихыҵуаз, Серу́г дихылҵит. 21 Серу́г дани ашьҭахь Ре́у иҵегь 207 шықәса дынхон, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан.
22 Серу́г 30 шықәса анихыҵуаз, Нахо́р дихылҵит. 23 Нахо́р дани ашьҭахь Серу́г иҵегь 200 шықәса дынхон, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан.
24 Нахо́р 29 шықәса анихыҵуаз, Фа́рра дихылҵит. 25 Фа́рра дани ашьҭахь Нахо́р иҵегь 119 шықәса дынхон, уи аамҭазы аԥацәеи аԥҳацәеи иоуан.
26 Фа́рра 70 шықәса анихыҵ ашьҭахь Аврами, Нахо́ри, Хара́ни ихылҵит.
27 Абар Фа́рра ихылҵқәаз.
Фа́рра ихылҵит Аврами, Нахо́ри, Хара́ни. Хара́н дихылҵит Лот. 28 Хара́н данԥсуаз, иаб Фа́рра иԥсы ҭан. Иара халдеиатәи ақалақь Ур ауп дахьиз, уа ауп дахьԥсызгьы. 29 Аврами Нахо́ри аҳәса ааргеит. Аврам иԥҳәыс Са́ра лыхьӡын, Нахо́р иԥҳәыс — Ми́лка. Хара́н Ми́лкеи И́скеи раб иакәын. 30 Са́ра ахшара лоуӡомызт, лара ахәыҷқәа лымаӡамызт.
31 Фа́рра иԥа Аврами, имоҭа Ло́ти (иԥа Хара́н иҷкәын), иҭаца Са́реи (иԥа Аврам иԥҳәыс) иманы халдеиатәи ақалақь Ур далҵын, ханаантәи адгьыл ахь ддәықәлеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Хара́н инеин, уа анхара иалагеит. 32 Фа́рра 205 шықәса ниҵын, Хара́н адгьыл аҿы дыԥсит.
12 Иегова Аврам ус иеиҳәеит: «Удгьыли, ууацәеи, уаб иҩни ааныжьны, иусырбо адгьыл ахь уца. 2 Сара ажәлар ду ухылҵыртә иҟасҵоит, сузылԥхоит, ухьӡ ҳараскуеит, уара убзоурала егьырҭгьы сырзылԥхоит. 3 Сара узшәиуа сшәиуеит, уара ула адгьыл иқәынхо ажәларқәа зегьы сырзылԥхоит».
4 Аврам, Иегова ишиеиҳәаз еиԥш, амҩа дықәлеит, Лотгьы дицны дцеит. Аврам Хара́нынтәи дықәҵны данцоз 75 шықәса ихыҵуан. 5 Аврам иԥҳәыс Са́реи, иашьа иԥа Лоти, идырҳаз амазареи, Хара́н ирымаз амаҵуҩцәеи аашьҭихын, Ханаа́нҟа иҿынеихеит. Ханаа́нынӡа ианнеи, 6 Аврам уи адгьыл далсны дышнеиуаз, Шехе́мынӡа днеит, море́тәи аҵла дуқәа рзааигәара. Усҟантәи аамҭазы уа ханаа́наа нхон. 7 Усҟан Иегова Аврам дизцәырҵын, ус иеиҳәеит: «Сара ари адгьыл иухылҵуа ирысҭоит». Уи ашьҭахь Аврам изцәырҵыз Иегова изы уи аҭыԥ аҿы акәырбаннагарҭа иргылеит. 8 Ԥыҭрак ашьҭахь иара уантәи Вефи́ль аҟынтә мрагыларахь ишьҭаз ашьхарахь дцеит. Уа ақьала иргылеит. Ақьала аниргыла, Вефи́ль мраҭашәарахь иҟалеит, Га́и — мрагыларахь. Уа иара Иегова изы акәырбаннагарҭа иргылан, Иегова ихьӡ арҳаракра далагеит. 9 Уи ашьҭахь Аврам ҭыԥк аҟынтә даҽа ҭыԥк аҿы даангыло, Неге́вҟа ддәықәлеит.
10 Уи адгьыл аҿы амлакра ҟалеит, убри аҟынтә Аврам Египетҟа дцеит, уа ԥыҭраамҭак дынхаларц азы, избанзар иҟалаз амлакра даараӡа иӷәӷәан. 11 Египет ианазааигәахоз, иԥҳәыс Са́ра ус леиҳәеит: «Сбыҳәоит, бысзыӡырҩы. Бара быԥҳәыс ԥшӡоуп. 12 Египтаа банырбалак, сыԥҳәыс шбаку еилыркаауеит, сара сыршьуеит, бара баанрыжьуеит. 13 Убри аҟынтә, сбыҳәоит, иаҳәшьа соуп ҳәа раҳә, акгьы смыхьырц, срымшьырц азы».
14 Аврам Египет даннеи, египтаа ирбеит Са́ра даара дшыԥшӡаз. 15 Афараон иҭауадцәагьы данырба, афараон иҿаԥхьа лырҽхәара иалагеит, убри аҟынтә лара афараон иҩныҟа дыргеит. 16 Са́ра лаҳаҭыр азы афараон Аврам ибзианы дизыҟан. Убри аҟынтә ауасақәеи, ацәқәеи, аҽадақәеи, амахҽқәеи, иара убас имаҵ зуаз аҳәсеи ахацәеи ииҭеит. 17 Аха Иегова афараони иҩнаҭа иатәыз зегьи Аврам иԥҳәыс Са́ра илыхҟьаны ачымазара* бааԥсқәа дирхьит. 18 Усҟан афараон Аврам диԥхьан, диазҵааит: «Исзууз закәи? Уԥҳәыс шлакәу зсаумҳәеи? 19 Саҳәшьа лоуп ҳәа зуҳәеи? Ԥҳәысс дызгарц ак аасыгымхеит. Абар уԥҳәыс дахьыҟоу. Думаны уца!» 20 Афараон имаҵуҩцәа адҵа риҭеит Аврам имаз зегь наиҭаны, иԥҳәыси иареи наскьаганы иоурышьҭырц.
13 Аврам имаз зегь аашьҭихын, иԥҳәыси Лоти иманы Египетынтәи Неге́вҟа дцеит. 2 Аврам ирахә-ишәахә ԥхьаӡашьа рымамызт, ахьи араӡни рацәаны иман. 3 Иара ҭыԥк аҟынтә даҽа ҭыԥк аҿы даангыло, Неге́вынтәи Вефи́льҟа дцон, Вефи́льи Га́ии рыбжьара иҟаз аҭыԥ аҿы днеиаанӡа, уаанӡа иқьала ахьгылаз, 4 насгьы акәырбаннагарҭа ахьиргылаз аҭыԥ аҿы. Уа Аврам Иегова ихьӡ ҳәаны диҳәеит.
5 Аврам ицыз Лотгьы ауасақәеи, арахәи, ақьалақәеи иман. 6 Рырахә-рышәахә даараӡа ирацәахеит азы адгьыл рзымхо иҟалеит, убри аҟынтә џьарак изеицынхаӡомызт. 7 Уи иахҟьаны Аврам ихьчацәеи Лот ихьчацәеи аимак-аиҿак рызцәырҵуа иалагеит. (Уи аамҭазы уи адгьыл аҿы ханаа́нааи ферезе́иааи нхон.) 8 Усҟан Аврам Лот ус иеиҳәеит: «Ҳара ҳаишьцәами, ҳаибаргәаалар иашаӡам, ҳахьчацәагьы акгьы еимарымклааит. 9 Абар уҿаԥхьа адгьыл зегь ахьышьҭоу. Суҳәоит, хазы уца. Арымарахь уцар, сара арыӷьарахь сцоит, арыӷьарахь уцар, сара арымарахь сцоит». 10 Лот днаԥшы-ааԥшын ибеит Цоа́рынӡа Иордантәи акаршәра* зегь Иегова ибаҳчеи Египети реиԥш ибзианы аӡы ишарԥсаҳәо. (Уи Иегова Содо́ми Гомо́рреи ықәигаанӡа акәын.) 11 Лот ихазы уи аҭыԥ зегь алихын, мрагыларахь деихеит. Убас дара еиҿыҵын, хаз-хазы анхара иалагеит. 12 Аврам Ханаа́н даанхеит, Лот Иордантәи акаршәрақәа рықалақьқәа рзааигәара анхара далагеит. Аҵыхәтәаны иара Содо́м азааигәара иқьала иргылеит. 13 Содо́м инхоз ауаа уаа хәымгақәан, Иегова иҿаԥхьа агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟарҵон.
14 Лот хазы данца ашьҭахь Иегова Аврам ус иеиҳәеит: «Уаанаԥшы-ааԥшны абрантәи аладеи, аҩадеи, мрагыларахьи, мраҭашәарахьи уԥшы, 15 избанзар сара иубо адгьыл зегь иухылҵуеи уареи наӡаӡа ишәтәызарц азы ишәысҭоит. 16 Сара ухшара адгьыл аҿы иҟоу аԥслымӡ еиԥш исыррацәоит. Адгьыл аҿы иҟоу аԥслымӡ ауаҩы иԥхьаӡараҳа, иухылҵуагьы иԥхьаӡоит. 17 Уцаны, ари адгьыл ахы инаркны аҵыхәанӡа уалс, избанзар сара уи уара иусҭоит». 18 Аврам ақьалақәа рҿы дынхон. Ԥыҭрак ашьҭахь иара Хевро́н иҟоу Ма́мретәи аҵла дуқәа рзааигәара анхара далагеит. Уа иара Иегова изы акәырбаннагарҭа иргылеит.
14 Урҭ амшқәа рзы сеннаартәи аҳ Амрафе́л, елласартәи аҳ Арио́х, еламтәи аҳ Кедорлаоме́р, гоимтәи аҳ Фида́л 2 абарҭ аҳцәа рабашьра иалагеит: содомтәи аҳ Бе́ра, гоморратәи аҳ Би́рша, адматәи аҳ Шина́в, цевоимтәи аҳ Шемеве́р, иара убас белатәи, даҽакала иуҳәозар, цоартәи аҳ. 3 Дара зегьы Сидди́м архаҿы рыр еизыргеит, уажәы Иҵаау амшын* ахьыҟоу.
4 Дара* Кедорлаоме́р 12 шықәса имаҵ руан, 13-тәи ашықәс азы иҿагылеит. 5 14-тәи ашықәс азы Кедорлаоме́р ицыз аҳцәеи иареи цан, Аштеро́т-Карнаи́м иҟаз рефаи́маа ԥыххааса иқәырҵеит, иара убас Га́ма иҟаз зузи́маа, Ша́ве-Кириатаи́м иҟаз еми́маа, 6 иара убас хорре́иаагьы, сеиртәи рышьхақәа инадыркны ацәҳәыра азааигәара иҟоу Ел-Пара́нынӡа иаҵанакуа аҭыԥ аҿы. 7 Анаҩс ихынҳәын, Ен-Мишпа́тҟа иааит, даҽакала иуҳәозар Каде́ш, уа амали́каа рыдгьыл зегь рымпыҵадырхалеит, нас Хацацо́н-Тама́р инхоз аморе́иаа ԥыххааса иқәырҵеит.
8 Уи аамҭазы содомтәи аҳи, гоморратәи аҳи, адматәи аҳи, цевоимтәи аҳи, белатәи, даҽакала иуҳәозар, цоартәи, аҳи рҽааидыркылан, Сидди́м архаҿы аибашьра иалагеит. 9 Дара еламтәи аҳ Кедорлаоме́ри, гоимтәи аҳ Фида́ли, сеннаартәи аҳ Амрафе́ли, елласартәи аҳ Арио́хи ирабашьуан. Ԥшьҩык аҳцәа хәҩык ирҿагылеит. 10 Сидди́м архаҿы асфальт* зҭаз ажрақәа рацәан. Содо́ми Гомо́рреи раҳцәа иҩны ианцоз, урҭ ажрақәа ирҭаҳаит, иаанхаз ашьхарахь иҩны ицеит. 11 Содо́ми Гомо́рреи мазарас, фатәыс иҟаз зегьы аиааира згаз ирыманы ицеит. 12 Дара Содо́м инхоз Аврам иашьа иԥа Лотгьы дытҟәаны дыргеит, имазарагьы рыманы ицеит.
13 Еиқәхаз рҟынтә аӡәы иауриаз Аврам иахь даан зегь изеиҭеиҳәеит. Усҟан иара Ешко́ли Ане́ри рашьа аморе́и Ма́мре иҵла дуқәа рзааигәара дынхон*. Аврами дареи шеицхыраало ала аиқәшаҳаҭра рыбжьан. 14 Убас Аврам иаҳаит иуа* дыҭҟәаны дшыргаз. Усҟан иара даалаган, иҩнаҭаҿы ииз 318 маҵуҩы, аибашьышьа здырҵахьаз ахацәа, ааизиган, ампыҵахалаҩцәа дрышьҭаланы Да́нынӡа дцеит. 15 Уахынла ируаа гәыԥ-гәыԥла еиҩишан, иаӷацәа дрыжәлан дыриааит, иара урҭ Дамаск аҟынтә аҩада ишьҭаз Хо́вынӡа дрышьҭан. 16 Иара урҭ иргаз зегь иргьежьит, иуа Лот имазарагьы иаргьы иргьежьит, иара убас аҳәсагьы егьырҭ атҟәацәагьы.
17 Аврам Кедорлаоме́р ицыз аҳцәеи иареи дыриааины даныхынҳәуаз, содомтәи аҳ Ша́ве архаҿы, даҽакала иуҳәозар, Аҳ ирхаҿы, диԥылеит. 18 салимтәи аҳ Мелхиседе́к Аврам ачеи аҩи изнеигеит. Иара Хыхь иҟоу Анцәа Ду иԥшьаҩ иакәын.
19 Иара Аврам диқәныҳәан, ус иҳәеит:
«Диқәныҳәааит Аврам Хыхь иҟоу Анцәа Ду,
Ажәҩани адгьыли зшаз,
20 Аҽхәаԥхьыӡ игымзааит Хыхь иҟоу Анцәа Ду,
Уаӷацәа ушьапаҿы ишьҭазҵаз!»
Аврам уи иргьежьыз зегь аҟынтә ажәабатәи ахәҭа ииҭеит.
21 Уи ашьҭахь содомтәи аҳ Аврам ус иеиҳәеит: «Ауаа сара исыҭ, амазара уара иумаз». 22 Аха Аврам содомтәи аҳ ус иеиҳәеит: «Ажәҩани адгьыли зшаз Хыхь иҟоу Анцәа Ду Иегова иҿаԥхьа сықәуеит* 23 уара иутәу ҳәа ак шысымго, рахәыцзаргьы асандалеимаа аҵӷа акәзаргьы, Аврам сара сыла дбеиахеит ҳәа умҳәарц азы. 24 Сыуаажәлар ирфахьоу ада акымзарак згаӡом. Исыцқәаз Ане́ри, Ешко́ли, Ма́мреи ракәзар, рыхәҭаа ргааит».
15 Уи ашьҭахь Иегова Аврам аԥхыӡ аҿы еиԥш дизааин, ус иеиҳәеит: «Умшәан, Аврам. Сара узыхьчо аԥырак соуп. Уара аҳамҭа ду уоуеит». 2 Аврам иҳәеит: «Амчра зегь знапаҿы иҟоу Саҳ Иегова, исуҭои? Сара ахшара сымаӡам. Исымоу зегь Дамаск иатәу ауаҩы, Елиезе́р, иҭынхоит». 3 Аврам иациҵеит: «Уара ахшара сумҭаӡеит, исымоу зегь зҭынхо сыҩны иҩноу смаҵуҩы иоуп». 4 Усҟан Иегова иҳәеит: «Иумоу зҭынхо ари ауаҩ иакәӡам, уҷкәын иоуп изҭынхо».
5 Нас иара Аврам ақьала ддәылиган, ус иеиҳәеит: «Ажәҩан уаҵаԥшны, иузыԥхьаӡозар, аеҵәақәа ԥхьаӡа». Нас иациҵеит: «Иухылҵуагьы убриаҟара ҟалоит». 6 Аврам Иегова игәра игеит, убри аҟынтә Анцәа уи дуаҩ иашоуп ҳәа иԥхьаӡеит. 7 Нас иациҵеит: «Сара абри адгьыл усҭарц азы халдеиатәи ақалақь Ур уалызгаз Иегова соуп». 8 Аврам иҳәеит: «Амчра зегь знапаҿы иҟоу Саҳ Иегова, ари адгьыл сара ишыстәхо злаздыруеи?» 9 Иара иҳәеит: «Хышықәса зхыҵуа ақаблеи, хышықәса зхыҵуа аџьмеи, хышықәса зхыҵуа аҭыӷьи, аҟәарасеи, аҳәыҳә ҿеи сзалх». 10 Аврам урҭ иган, рыгәҭа ԥҟаны еиҩишеит, хәҭак ганкахьы ишьҭеиҵеит, егьи ахәҭа — даҽа ганкахьы. Аԥсаатәқәа еиҩимшаӡеит. 11 Ишьны ишьҭаз аԥстәқәа ажьы зфо аԥсаатәқәа рхаԥыруа иалагеит, аха Аврам урҭ рхицон.
12 Амра аҭашәамҭаз Аврам ацәа дҭанагалан, узыршәаӡыӡоз алашьцара ихаԥеит. 13 Усҟан Анцәа Аврам ус иеиҳәеит: «Иудыруаз иухылҵуа атәымдгьыл аҿы ишынхало, уа маҵуҵәас ишыҟарҵо, 400 шықәса ишдыргәаҟло. 14 Аха сара зымаҵ руло ажәлар рықәнага иақәсыршәоит, усҟан дара амазара ду рыманы иқәҵуеит. 15 Уара акыршықәса нуҵоит, угәы рҭынчны уԥсуеит, уабацәа рабацәа уҽрыдукылоит. 16 Иухылҵуа ракәзар, аԥшьбатәи абиԥараҿы арахь ихынҳәуеит, избанзар аморе́иаа рықәнага ианақәыршәатәу аамҭа мааиӡацт*».
17 Амра анҭашәа ашьҭахь зынӡаск ианылашьца, алҩа зхылҵуаз аԥечка аацәырҵын, еиҩшаны ишьҭаз аԥстәқәа амцабз рыбжьҟьеит. 18 Уи аҽны Иегова Аврами иареи аиқәшаҳаҭра рыбжьеиҵан, абас иҳәеит: «Сара иухылҵуа ари адгьыл рысҭоит, египеттәи аӡиас инаркны аӡиас ду Евфрат аҟынӡа, 19 абарҭ ажәларқәа рыдгьыл: кене́иаа, кенезе́иаа, кадмо́наа, 20 хе́ттаа, ферезе́иаа, рефаи́маа, 21 аморе́иаа, ханаа́наа, гирга́шаа, иеву́саа».
16 Аврам иԥҳәыс Са́ра ахшара лоуӡомызт. Лара Ага́рь зыхьӡыз, Египет иатәыз амаҵуҩԥҳәыс длыман. 2 Са́ра Аврам ус иалҳәеит: «Суҳәоит, усзыӡырҩы! Иегова сара ахшара сиҭаӡом. Смаҵуҩԥҳәыс улыцышьҭал. Иудыруеи, лара лыла ахшара дсоур». Аврамгьы Са́ра илҳәаз дазыӡырҩит. 3 Усҟан Са́ра Египет иатәыз лмаҵуҩԥҳәыс Ага́рь Аврам ԥҳәысс дилҭеит. (Уи аамҭазы Аврам Ханаа́н дынхоижьҭеи 10 шықәса ҵхьан.) 4 Аврам Ага́рь длыцышьҭалеит. Лара лцәалтәымкәа дҟалеит, уи анеилылкаа, лыԥшәмаԥҳәыс дылцәымыӷхо далагеит.
5 Са́ра Аврам ус иалҳәеит: «Сзықәшәаз ацәгьара уара уоуп изхароу. Сара смаҵуҩԥҳәыс дусҭеит, лара лцәалтәымкәа дшыҟалаз анеилылкаа, сылцәымыӷхо далагеит. Уареи сареи ҳус Иегова еилиргааит». 6 Аврам Са́ра ус леиҳәеит: «Бмаҵуҩԥҳәыс бара блықәиҭуп. Ибҭаху лызуы». Усҟан Са́ра Ага́рь длалырҟәуа далагеит. Ага́рь уи лзымычҳан, дыбналаны дцеит.
7 Ԥыҭрак ашьҭахь Иегова имаалықь Ага́рь ацәҳәыраҿы иҟаз аӡыхь азааигәара диԥшааит. Уи аӡыхь Шурҟа узгоз амҩаҿы иҟан. 8 Иара ус длазҵааит: «Са́ра лмаҵуҩы Ага́рь, бабантәиааи, бабацо?» Лара илҳәеит: «Сара сыԥшәмаԥҳәыс Са́ра сылцәыбналоит». 9 Иегова имаалықь ус леиҳәеит: «Быԥшәмаԥҳәыс лахь бхынҳәны, илҳәо ҟаҵа». 10 Анаҩс Иегова имаалықь ус иҳәеит: «Сара ибхылҵуа ԥхьаӡашьак рымамкәа иҟасҵоит». 11 Иегова имаалықь иациҵеит: «Бара бцәабтәымкәа быҟоуп, аԥа дбоуеит. Уи Измаил* ихьӡҵа, избанзар Иегова бзықәшәаз арыцҳара иаҳаит. 12 Быҷкәын абнаҽада* деиԥшхоит. Иара зегьы дырҿагылалоит, иаргьы зегь иҿагылалоит. Иара иашьцәа зегь рааигәара дынхалоит*».
13 Усҟан илацәажәоз Иегова ус иалҳәеит: «Уара зегь збо Анцәа уоуп». Лара ус изылҳәеит, избанзар лгәы иаанагеит: «Сызбо абра дызбаҵәҟьама?» 14 Убри азоуп уи аҵеџь Бее́р-Лаха́и-Ро́и* захьӡу. (Уи Каде́ши Бере́ди рыбжьара иҟоуп.) 15 Ага́рь Аврам иҟынтә аԥа длоуит, Аврам уи Измаил ихьӡиҵеит. 16 Ага́рь Измаил данлоу, Аврам 86 шықәса ихыҵуан.
17 Аврам 99 шықәса анихыҵуаз Иегова дизцәырҵын, ус иҳәеит: «Сара Зегьзымчу Анцәа соуп, вба умамкәа, сҳәатәы хаҵо сымаҵ ула. 2 Сара уареи сареи иҳабжьасҵаз аиқәшаҳаҭра насыгӡоит, ахшара рацәаны иусҭоит».
3 Аврам ари аниаҳа, дшьамхышгыланы диеихырхәеит. Анцәа иажәа иацҵо ус иҳәеит: 4 «Уареи сареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьасҵеит, уара ажәларқәа абыс урзыҟалоит. 5 Уара уаҳа Аврам* ҳәа уарҳәалаӡом, уажәшьҭа Авраам* ухьӡхоит, избанзар сара ажәлар рацәа раб уакәны уҟасҵоит. 6 Сара ахшара рацәа усҭоит, ажәларқәагьы ухылҵыртә иҟасҵоит, аҳцәагьы ухылҵуеит.
7 Сара аиқәшаҳаҭра насыгӡоит, уареи сареи иҳабжьасҵаз, иара убас иухылҵуа рҟынтә иҟало абиԥарақәеи сареи иҳабжьасҵаз наӡаӡатәи аиқәшаҳаҭра: сара Унцәа сакәхоит, иухылҵуагьы Рынцәа сакәхоит. 8 Уажәы узқәынхо адгьыл — ханаантәи адгьыл зегь — иухылҵуеи уареи наӡаӡа ишәтәызарц азы ишәысҭоит, сара Рынцәа сакәзаауеит».
9 Анцәа Авраам иеиҳәеит: «Уара абри аиқәшаҳаҭра нагӡала, иухылҵуа рҿы иҟало абиԥарақәеи уареи инашәыгӡала. 10 Абар иухылҵуеи уареи инашәыгӡалар шәыхәҭоу, шәареи сареи иҳабжьасҵо аиқәшаҳаҭра: шәара шәҿы дарбанзаалак ахаҵа иаԥхьатә хырсароуп. 11 Шәара шәаԥхьатә хышәсароуп. Уи иҳабжьасҵо аиқәшаҳаҭра иадыргахоит. 12 Уҩнаҭаҿы ииуа аҷкәынцәа зегьы аабатәи амш аҽны раԥхьатә хырсароуп. Атәымтәылауаҩ иҿы иаархәазгьы, уара иухылымҵызгьы раԥхьатә хырсароуп. Иухылҵуа абиԥарақәа зегьы убас ҟарҵалароуп. 13 Дарбанзаалак уҩнаҭаҿы ииуа ахаҵа иаԥхьатә хсазароуп, дарбанзаалак иааухәаз ахаҵагьы иаԥхьатә хсатәуп. Шәцәеижь ианызаауа уи адырга наӡаӡатәи аиқәшаҳаҭра шҳабжьасҵаз шьақәнарӷәӷәалоит. 14 Ахаҵа иаԥхьатә химсар, дышьтәуп, избанзар сеиқәшаҳаҭра еилеигеит».
15 Нас Анцәа Авраам ус иеиҳәеит: «Уԥҳәыс уаҳа Са́ра* ҳәа лоумҳәалан, избанзар лара уажәшьҭа Сарра* лыхьӡхоит. 16 Сара сылзылԥхоит, лара лҟынтә аԥа дусҭоит, сара сылзылԥхоит, лара ажәларқәа лхылҵуеит, ажәларқәа раҳцәа лхылҵуеит». 17 Авраам ари аниаҳа, ихы ларҟәны дшьамхышгылеит, дааччан, гәаныла ус иҳәеит: «Илшома шәышықәса зхыҵуа ахшара диоур, илылшома ԥшьынҩажәижәаба шықәса зхыҵуа Сарра ахшараиура?»
18 Авраам Анцәа ду ус иеиҳәеит: «Суҳәоит, Измаил уизылԥха». 19 Анцәа иҳәеит: «Уԥҳәыс Сарра аԥа длоуеит, уи Исаак* ихьӡуҵоит. Иареи сареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьасҵоит, иухылҵуа ахәарҭа рзаазго наӡаӡатәи аиқәшаҳаҭра. 20 Аха сара Измаил изы иҟауҵаз аҳәара саҳаит. Сара уи сизылԥхоит, ихылҵуагьы рацәахоит. Иара иҟынтә 12 биԥара рхадацәа ииуеит, сара уи ажәлар ду ихылҵыртә иҟасҵоит. 21 Аха аиқәшаҳаҭра Сарра ҳаԥхьа уажәааны илоуа Исааки сареи ҳабжьара ауп иахьыбжьасҵо».
22 Анцәа Авраам даниацәажәа ашьҭахь диԥырҵны дцеит. 23 Усҟан Авраам иԥа Измаили, иҩнаҭаҿы ииз ахацәеи, ԥарала иааихәаз ахацәеи — иҩнаҭа иатәыз ахацәа зегьы — Анцәа ишиҳәаз еиԥш убри аҽны раԥхьатә хисеит. 24 Авраам иаԥхьатә анхисаз 99 шықәса ихыҵуан. 25 Иԥа Измаил иаԥхьатә анхырсоз 13 шықәса ихыҵуан. 26 Убри аҽныҵәҟьа Авраами иԥа Измаили раԥхьатә хырсеит. 27 Авраам иҩнаҭа иатәыз ахацәа зегьы раԥхьатә хырсеит, иҩнаҭаҿы ииз реиԥш, атәымтәылауаа рҿы ԥарала иаархәазгьы.
18 Уи ашьҭахь Иегова Ма́мретәи аҵла дуқәа рзааигәара Авраам дизцәырҵит. Иара усҟан шьыбжьон, амра анкаццеиуаз ақьала аҩналарҭаҿы дтәан. 2 Авраам данынаԥш, ицәыхарамкәа хҩык ахацәа шгылаз ибеит. Иаразнак дыҩны дырԥылан, дреихырхәеит. 3 Иара иҳәеит: «Иегова, усзыразызар, суҳәоит, умаҵуҩы уивсны умцан, умҩахыҵ. 4 Сара уажәы аӡы ааганы шәшьапқәа сыӡәӡәоит, нас аҵла амҵан шәыԥсы шәшьа. 5 Шәмаҵуҩы иахь шәымҩахыҵзар, сцаны ача шәзаазгоит шәымчқәа ҭашәҵарц азы, нас шәымҩа иацышәҵап». Дара ирҳәеит: «Ибзиоуп, ишуҳәаз еиԥш иҟаҵа».
6 Авраам дыццакы-ццакуа ақьалахь иҿынеихан, Сарра ус леиҳәеит: «Ирласны игәӡаны илагоу х-са́так ачашыла кәаҳаны, ача ӡы». 7 Уи ашьҭахь ирахә рахь дыҩны дцан, иреиӷьыз ақабла алхны, имаҵуҩы изнеигеит. Иаргьы ирласны ирмазеит. 8 Нас Авраам ахәшеи, ахши, акәаци наганы ирымҵеиҵеит. Дара акрырфонаҵы, иара рааигәара аҵла амҵан дгылан.
9 Дара ус иазҵааит: «Уԥҳәыс Сарра дабаҟоу?» — «Ара, ақьалаҿы дыҟоуп», — иҳәеит иара. 10 Нас руаӡәк иациҵеит: «Сара ҳаԥхьа уажәааны уара уахь схынҳәуеит, уԥҳәыс Сарра аԥа длоуеит». Сарра уи ишьҭахь игылаз ақьала аҩналарҭаҿы дгыланы дӡырҩуан. 11 Авраами Сарреи ажәхьан, рықәрахь инеихьан. Сарра уажәшьҭа ахшараиура лылшаӡомызт*. 12 Убри аҟынтә лгәы дҭаччан, ус лҳәеит: «Абри аҩыза агәырӷьара соуру? Сара смажәхьеи, сыԥшәмагьы дажәхьеит». 13 Усҟан Иегова Авраам ус иеиҳәеит: «Избан Сарра дзыччаз, иагьзылҳәаз: „Сара смажәхьеи, ахшараиура зласылшои?“ 14 Иегова илымшо акрыҟоума? Ҳаԥхьа уажәааны сара уара уахь схынҳәуеит, Сарра аԥа длоуеит». 15 Сарра дшәан: «Смыччаӡеит!» — ҳәа мап акра далагеит. Аха иара иҳәеит: «Мамоу, быччеит».
16 Ахацәа гыланы амҩа ианықәла, Авраам урҭ наскьеигарц дрыццеит. Дара Содо́м ахьынтәиубоз аҭыԥ аҟынӡа инеит. 17 Иегова иҳәеит: «Сара иҟасҵараны иҟоу Авраам ицәысҵәахӡом. 18 Авраам иӷәӷәоу ажәлар ду ихылҵуеит. Иара ила адгьыл иқәынхо ажәларқәа зегьы сырзылԥхоит. 19 Сара уи далысхит* иԥацәеи ихылҵуеи иреиҳәаларц Иегова имҩа ианымҵларц, насгьы ииашаны рхы мҩаԥыргаларц. Усҟан сара, Иегова, Авраам дзықәсыргәыӷыз насыгӡоит».
20 Нас Иегова иҳәеит: «Содо́ми Гомо́рреи рыгәнаҳақәа ӷәӷәоуп. Сара урҭ ирзашшуа рыҵәаабжь саҳауеит. 21 Сцаны игәасҭап иашшуа ауаа ирҳәо иашоу-ииашаму, ауаа русқәа убасҵәҟьа иҿаасҭоу-иҿаасҭаму. Сара уи здыруазар сҭахуп».
22 Уи ашьҭахь ахацәа Содо́мҟа ицеит Иегова Авраам иҿы даангылеит. 23 Авраам уи иахь днеин, ус диазҵааит: «Ауаҩ иаша агәнаҳаҟаҵаҩ днаидкыланы дықәугома? 24 Издыруада уи ақалақь аҿы 50-ҩык ауаа иашақәа ыҟазар. Ақалақь зегь ықәугома? 50-ҩык раҳаҭыразы уи ақалақь еиқәумырхаӡои? 25 Уара ахаангьы ус ҟауҵаӡом. Ахаангьы ауаҩ иаша агәнаҳаҟаҵаҩ дидкыланы дықәугаӡом, ауаҩ иаша агәнаҳаҟаҵаҩ дзықәшәо дақәшәар ууӡом. Уи ҟалашьа амаӡам. Адгьыл зегь Ӡбаҩыс иамоу ииашамкәа кыр ҟаиҵома?» 26 Усҟан Иегова иҳәеит: «Содо́м 50-ҩык ауаа иашақәа сыԥшаар, урҭ раҳаҭыразы ақалақь ықәызгаӡом». 27 Аха Авраам иҳәеит: «Иегова, сара ссабоуп, ахәа саҩызоуп, аха уацәажәара сгәаӷьит. 28 Издыруада 50-ҩык ауаа иашақәа рҟынӡа хәҩык азымхозар. Хәҩык ахьазымхо азы ақалақь зегь ықәугома?» Иара иҳәеит: «Иқәызгаӡом, 45-ҩык сыԥшаар».
29 Авраам иҳәеит: «Издыруада 40-ҩык ҟалар?» — «40-ҩык сыԥшаар, иқәызгаӡом», — иҳәеит иара. 30 Авраам иациҵеит: «Суҳәоит, Иегова, умгәамҵын, аха иҵегь ак сҳәар сҭахуп. Издыруада уа 30-ҩык ҟалар?» Иара иҳәеит: «Иқәызгаӡом, 30-ҩык ҟалар». 31 Аха Авраам иациҵеит: «Суҳәоит, Иегова, иҵегь ак аҳәара азин сыҭ. Издыруада 20-ҩык ҟалар?» Иара иҳәеит: «Иқәызгаӡом, 20-ҩык ҟалар». 32 Аҵыхәтәаны Авраам иҳәеит: «Суҳәоит, Иегова, умгәамҵын, азин сыҭ даҽа зныкгьы аҳәара. Издыруада уа жәаҩык рыда ҟамлар?» Иара иҳәеит: «Иқәызгаӡом, 10-ҩык сыԥшаар». 33 Иегова Авраам даниацәажәа ашьҭахь диԥырҵны дцеит. Авраам иҩныҟа дхынҳәит.
19 Ахәылбыҽха ҩыџьа амаалықьцәа Содо́мҟа иааит. Содо́м агәашәқәа рҿы Лот дтәан. Лот урҭ аниба, дҩагыланы дреихырхәеит. 2 Нас ус реиҳәеит: «Шәхаҵкы, сшәыҳәоит, шәмаҵуҩ иахь шәымҩахыҵ, шәшьапқәа шәыӡәӡәа, уаха ара шәаангыл, ашьыжь шаанӡа шәымҩа иацышәҵап». Дара ирҳәеит: «Мап, ҳара ақалақь ашҭаҿы ҳаԥхьоит». 3 Аха убриаҟара дрыҳәеит, мап рзымкын, имҩахыҵит. Иара меигӡарахда афатә рзыҟаиҵеит, ача* рзиӡит, даргьы акрыфара иалагеит.
4 Ашьҭалара иахьӡаанӡа, Содо́м инхоз ахацәа зегьы — аҷкәынцәа реиԥш абыргцәагьы — аҩны иакәшаны иадеизалеит. 5 Дара Лот изҿыҭуа, абас рҳәон: «Иабаҟоу уаха иузааз ахацәа? Идәылга арахь, ҳрыцышьҭаларц азы».
6 Усҟан Лот дара рахь ддәылҵын, ишьҭахьҟа ашә аиркит. 7 Иара иҳәеит: «Сашьцәа, сшәыҳәоит, уи аҩыза ацәгьара ҟашәымҵан. 8 Сара ахаҵа дзымбац ҩыџьа аԥҳацәа сымоуп. Убарҭ шәысҭоит, ишәҭаху рзыжәуы. Сшәыҳәоит, абарҭ ахацәа акгьы рзышәымун, избанзар дара сыҩны ахыҵакырҭа* рыԥшааит». 9 Аха дара ирҳәеит: «Уаҳԥырҵ наҟ!» — нас иацырҵеит: «Уара атәымуаҩ, уара уоума иҟаҳҵаша ҳаҵазҳәо? Урҭ ирзаҳурц иаҳҭахыз аасҭа еицәоу узаҳуеит уажәы!» Нас Лот иааиқәпапан, ашә ԥырҽырц иалагеит. 10 Усҟан аҩны аҩныҵҟа иҟаз ахацәа Лот иханы дыҩнаргалан, ашә адыркит. 11 Дара адәахьы иҟаз ахацәа, ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа, рыла иамбо идырлашәит, убри аҟынтә аҩналарҭа ишашьҭаз икарахеит.
12 Аҩны аҩныҵҟа иҟаз ахацәа Лот ус иарҳәеит: «Уаҳа аӡәыр думоума ара? Умаҳәцәеи, уҷкәынцәеи, уԥҳацәеи — ақалақь аҿы иумоу уҭынхацәа зегьы ари аҭыԥ иалга! 13 Ҳара ари аҭыԥ ықәаҳхуеит, избанзар Иегова уа инхо ауаа ирзашшуа рыҵәаабжь иаҳаит. Иегова ари аҭыԥ ықәаҳхырц ҳааишьҭит». 14 Лот дцан, иԥҳацәа зыццараны иҟаз имаҳәцәа абас раҳәара далагеит: «Ирласны шәықәҵны шәца арантәи, избанзар Иегова ари ақалақь ықәихуеит». Аха имаҳәцәа дыхәмарны иҳәоз џьыршьеит.
15 Ацәылашамҭазы амаалықьцәа Лот ддырццакуа иалагеит: «Ирласны уԥҳәыси ҩыџьа уԥҳацәеи арантәи иуманы уца, ари ақалақь иамоу агәнаҳазы ианықәгахо уаргьы уҭамхарц азы!» 16 Аха иара дыццакӡомызт. Иегова Лот дрыцҳаишьеит азы, урҭ ахацәа иԥҳәыси, иареи, иԥҳацәеи рнапы ианкны ақалақь иалыргеит. 17 Ақалақь ианалырга, руаӡәк ус иҳәеит: «Уԥсы еиқәырха! Ушьҭахьҟа ухьамԥшын, ари аҭыԥ аҿы џьаргьы уаанымгылан! Ашьхарахь уца, уҭамхарц азы!»
18 Усҟан Лот ус реиҳәеит: «О Иегова, суҳәоит, убрахь уца ҳәа соумҳәан! 19 Уара умаҵуҩы уизыразуп, ақьиара дуӡӡа* аарԥшны, сыԥсы еиқәурхеит. Аха сара ашьхарахь сызцаӡом, сшәоит амҩан арыцҳара сыхьӡаны сыԥсыр ҳәа. 20 Абра ааигәа қалақь хәыҷык ыҟоуп. Суҳәоит, убрахь ацара азин сыҭ, сыԥсы еиқәхарц азы, избанзар уи ақалақь хәыҷуп». 21 Иара иҳәеит: «Ибзиоуп, уҳәара насыгӡоит, зыӡбахә уҳәо ақалақь ықәысхӡом. 22 Уццакы! Убрахь уца, избанзар уа унеиаанӡа акгьы сзыҟаҵаӡом!» Убри аҟынтә уи ақалақь Цоа́р* ахьӡхеит.
23 Лот Цоа́р даннеи, амра гылахьан. 24 Усҟан Иегова ақәа еиԥш Содо́ми Гомо́рреи рахь Иегова иҟынтә, ажәҩан аҟынтә, атыҩшеи амцеи лаишьҭит. 25 Убас иара урҭ ақалақьқәа ықәихит, уи аҭыԥ зегьы, иқәихит урҭ ақалақьқәа рҿы инхоз зегьы, иара убас уи адгьыл аҿы изызҳауаз зегьы. 26 Лот ишьҭаланы инеиуаз иԥҳәыс лакәзар, лышьҭахьҟа дхьаԥшит*, убри аҟынтә џьыкахыш шьаҟаны дҟалеит.
27 Авраам ашьыжь шаанӡа дгылан, Иегова иҿаԥхьа дахьгылаз аҭыԥ ахь дцеит. 28 Иара Содо́ми Гомо́рреи, насгьы Иордантәи акаршәара* зегь ахь данԥшы, ибеит адгьыл аҟынтә аԥечка ду иҭыҵуа алҩа иеиԥшыз алҩа еиқәаҵәаӡа ишхалоз. 29 Анцәа Лот дахьынхоз аҭыԥ аҿы ақалақьқәа анықәихуаз, Авраам дизхәыцны иқәихыз ақалақьқәа рҟынтә Лот далигеит.
30 Ԥыҭрак ашьҭахь Лот ҩыџьа иԥҳацәа иманы Цоа́рынтәи ашьхарахь нхара дцеит, избанзар Цоа́р анхара дшәон. Иԥҳацәеи иареи аҳаԥаҿы анхара иалагеит. 31 Иԥҳа еиҳабы аиҵбы ус лалҳәеит: «Ҳаб дажәхьеит. Ари адгьыл аҿы ԥҳәысс ҳазгаша ахацәа ыҟаӡам, зехьынџьара ишыҟарҵо еиԥш. 32 Бааи, ҳаб аҩы иржәны ҳицышьҭалап. Убас ҳаб ишьҭра иацаҳҵап».
33 Уи ауха дара раб аҩы идыржәын, аиҳабы дицышьҭалеит. Иара издырӡомызт лара данышьҭалазгьы, дангылазгьы. 34 Адырҩаҽны аиҳабы аиҵбы ус лалҳәеит: «Иаха ҳаб сара сицышьҭалеит. Бааи уахагьы аҩы иҳаржәып, нас бара бицышьҭалап. Убас ҳаб ишьҭра иацаҳҵап». 35 Уи аухагьы дара раб аҩы идыржәын, аиҵбы дицышьҭалеит. Иара издырӡомызт лара данышьҭалазгьы, дангылазгьы. 36 Убас Лот иԥҳацәа аҩыџьагьы рцәартәымкәа иҟалеит. 37 Аиҳабы аԥа длоун, Моа́в ихьӡылҵеит. Иара иахьа моа́ваа ҳәа еицырдыруа ажәлар раб иоуп. 38 Аиҵбгьы аԥа длоун, Бен-Амми́ ихьӡылҵеит. Иара иахьа аммо́наа ҳәа еицырдыруа ажәлар раб иоуп.
20 Авраам иҽааидикылан, Неге́вҟа дцеит, Каде́ши Шу́ри рыбжьара анхара далагеит. Авраам Гера́р данынхоз, 2 еиҭа иԥҳәыс Сарра лзы саҳәшьа лоуп иҳәеит. Ус герартәи аҳ Авимеле́х ауаа ишьҭын, Сарра иҩныҟа дигеит. 3 Ԥыҭрак ашьҭахь Анцәа уахынла Авимеле́х ԥхыӡла дизнеин, ус иеиҳәеит: «Уара атәым ԥҳәыс дахьугаз азы уԥсуеит, избанзар лара даҽаӡәы иԥҳәыс лоуп». 4 Авимеле́х уи дагьлыламкьысӡеит, убри азы иҳәеит: «Иегова, уара акгьы зхарам* ажәлар ықәугома? 5 Саҳәшьа лоуп ҳәа сеимҳәаӡеи? Ларгьы сашьа иоуп ҳәа лымҳәаӡеи? Сара ацәгьара аҟаҵара сгәы иҭаӡамызт, сгәы цқьоуп». 6 Усҟан Анцәа ду уи ԥхыӡла ус иеиҳәеит: «Сара издыруеит ацәгьара аҟаҵара угәы ишҭамыз, угәы шыцқьоу, убри аҟынтә сҿаԥхьа агәнаҳа усмырҟаҵарц азы улылакьысыр смуӡеит. 7 Уи ауаҩ иԥҳәыс дыргьежьны диҭ, избанзар иара дԥааимбаруп. Уи уара узы Анцәа диҳәоит, уаргьы уԥсы ҭаны унхоит. Думыргьежьыр, иудыруаз ушыԥсуа, умацара уакәӡам, уҩнаҭа иатәу зегь ԥсуеит».
8 Авимеле́х ашьыжь шаанӡа дгылан, имаҵуцәа зегь еизганы зегь рзеиҭеиҳәеит. Иреиҳәаз анраҳа ишәеит. 9 Уи ашьҭахь Авимеле́х Авраам дааиԥхьан, ус иеиҳәеит: «Иаҳзууи? Уҿаԥхьа гәнаҳас иҟасҵеи? Саҳреи сареи абри аҩыза арыцҳара ҳзақәуршәеи? Иҟауҵаз иашаӡам». 10 Нас Авимеле́х Авраам диазҵааит: «Ус зыҟауҵеи?» 11 Авраам иҳәеит: «Ари аҭыԥ аҿы сара ауаа Анцәа ицәымшәоз џьысшьан, сыԥҳәыс лымшала сыршьуеит ҳәа сгәы иаанагеит. 12 Иара уи адагьы лара саҳәшьа лакәҵәҟьоуп. Анык ҳалхылымҵӡеит, аха ҳаб аӡә иоуп. Сара лара ԥҳәысс дызгеит. 13 Анцәа уаб иҩны ааныжьны уца ҳәа ансыдиҵа, ус ласҳәеит: „Иаарԥшы сара сахь гәыбылрала иҭәу абзиабара: ҳахьнеиуазаалакгьы сашьа иоуп ҳәала“».
14 Усҟан Авимеле́х Авраам ауасақәеи, арахәи, имаҵ зулаша ахацәеи аҳәсеи ииҭеит, иԥҳәыс Саррагьы дыргьежьны дииҭеит. 15 Авимеле́х ус иҳәеит: «Абар сыдгьыл. Иахьуҭаху унхала». 16 Сарра ус леиҳәеит: «Сара башьа 1 000 ше́кель* араӡны исҭоит. Ибыцу рзы, иара убас зегьы рзы уи акгьы шыбхарам шьақәнарӷәӷәалоит*. Ахьымӡӷ бхыхуп». 17 Авраам Анцәа ду диҳәан, Анцәа Авимеле́хи, иԥҳәыси, имаҵ зуаз аҳәсеи ихәышәтәит, даргьы ахшара роуа иалагеит, 18 избанзар Авраам иԥҳәыс Сарра илыхҟьаны Иегова Авимеле́х иҩнаҭаҿы иҟаз аҳәса зегьы ахшара рмоуа иҟаиҵеит.
21 Иегова Сарра, ишиҳәахьаз еиԥш, дигәалашәеит, Иегова уи дзықәиргәыӷыз наигӡеит. 2 Сарра лцәалтәымкәа дҟалан, зықәрахь инеихьаз Авраам иҟынтә аԥа длоуит. Лара аԥа длоуит Анцәа уи длоуеит ҳәа аниҳәаз аамҭазыҵәҟьа. 3 Авраам Cарра лҟынтә иоуз иԥа Исаак ихьӡиҵеит. 4 Анцәа ишиеиҳәахьаз еиԥш, аабатәи амш аҽны иара иԥа Исаак иаԥхьатә хисеит. 5 Авраам Исаак даниоуз 100 шықәса ихыҵуан. 6 Усҟан Сарра илҳәеит: «Анцәа сирччеит. Уи заҳауа зегьы сыцыччалоит*». 7 Лара иацылҵеит: «Аӡәыр Авраам изиаҳәарызма „Сарра ахәыҷқәа агәыԥҳәы рҿалҵалоит“ ҳәа? Аха уеизгьы иажәамҭыҽха сара иара иҟынтә аԥа дсоуит».
8 Исаак ианизҳа, агәыԥҳәы данаҵыҵ амш аҽны Авраам ачара ду иуит. 9 Сарра игәалҭеит Египет иатәыз Ага́рь Авраам иҟынтә илоуз лԥа Исаак дшихыччоз. 10 Лара Авраам ус иалҳәеит: «Ари амаҵуҩԥҳәыс лԥеи лареи наҟ идәылца, избанзар ари амаҵуҩԥҳәыс лԥеи сԥа Исааки абхәҭаа еицроураны иҟаӡам!» 11 Авраам иԥа изкны иаҳаз даара игәы инархьит. 12 Усҟан Анцәа Авраам ус иеиҳәеит: «Аҷкәыни умаҵуҩԥҳәыси рзы Сарра иуалҳәаз угәы иаумырсын. Илҳәаз уазыӡырҩы, избанзар иухылҵуеит ҳәа узқәыргәыӷыз Исаак иҟынтә ауп ишиуа. 13 Аха умаҵуҩԥҳәыс лыҷкәын иҟынтәгьы ажәлар ҿиартә иҟасҵоит, избанзар уигьы уара уԥа иоуп».
14 Авраам ашьыжь шаанӡа дгылан, ача ирмазеин, аӡҭрагьы* аӡы ҭаҭәаны Ага́рь илиҭеит. Нас урҭ лыжәҩахыр инықәҵаны, лԥагьы ларгьы дәықәиҵеит. Дышнеиуаз лара Бее́р-Ше́ва ацәҳәыраҿы дҟьалеит. 15 Аӡҭра иҭаз аӡы анынҵәа, лыҷкәын ачықьраҿы дынлыжьын, 16 лхаҭа ԥыҭк днаскьан, ус лҳәеит: «Сыҷкәын дшыԥсуа збар сҭахӡам». Нас инахарашәа дахьтәаз дқьызқьызуа аҵәыуара далагеит.
17 Анцәа Измаил ибжьы иаҳан, Анцәа имаалықь ажәҩан аҟынтә Ага́рь ус леиҳәеит: «Ибыхьи, Ага́рь? Бымшәан, Анцәа быҷкәын ибжьы иаҳаит. 18 Бгыл, быҷкәын иахь бнеины дышьҭых. Сара уи ажәлар ду ихылҵыртә иҟасҵоит». 19 Усҟан Анцәа лылақәа ааиртын, аӡы зҭаз аҵеџь лбеит. Дцан, лыӡҭра ӡыла илырҭәын, лыҷкәын илыржәит. 20 Измаил изҳауан, Анцәагьы уи дицын. Иара ацәҳәыраҿы дынхон, ахыци ахәымпали рыла ахысшьагьы бзианы иҵеит. 21 Иара Пара́н ацәҳәыраҿы дынхон. Иан Египет иатәыз аԥҳәыс дизылгеит.
22 Уи аамҭазы Авраам иахь Авимеле́х ируаа реиҳабы Фихо́л дицны днеин, ус иҳәеит: «Уара иҟауҵо зегь аҿы Анцәа дувагылоуп. 23 Убри аҟынтә Анцәа ила уқәны ажәа сыҭ саргьы, схәыҷқәагьы, смоҭацәагьы ҳшумжьо, қьиарала* сшузыҟоу еиԥш, саргьы, узқәынхо адгьылгьы қьиарала ушаҳзыҟазаауа». 24 «Сықәуеит», — иҳәеит Авраам.
25 Авраам дашшуа Авимеле́х иеиҳәеит Авимеле́х имаҵуцәа мчыла иҵеџь шимырхыз. 26 Авимеле́х иҳәеит: «Сара уи ҟазҵаз дсыздырӡом. Уара акгьы соумҳәаӡеит, иахьа уажәраанӡа акгьы смаҳацызт». 27 Усҟан Авраам Авимеле́х ауасақәеи ажәқәеи ииҭан, аҩыџьагьы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. 28 Авраам иԥсаса аҟынтә асарақәа* быжьба алихын, хазы иргылеит. 29 Авимеле́х Авраам ус диазҵааит: «Асарақәа быжьба хазы изургылеи?» 30 Иара иҳәеит: «Арҭ ауасақәа сыхьӡала иусҭоит, уи ари аҵеџь сара ишызжыз шьақәнарӷәӷәалоит». 31 Убри азоуп уи аҭыԥ Бее́р-Ше́ва* захьӡиҵаз, избанзар дара уа рҩыџьагьы аҿаҭахьа шьҭарҵеит. 32 Убасала дара Бее́р-Ше́ва аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Нас Авимеле́х ируаа реиҳабы Фихо́л диманы филисти́маа рыдгьыл ахь дхынҳәит. 33 Уи ашьҭахь Авраам Бее́р-Ше́ва атамариск* еиҭеиҳаит, нас наӡаӡатәи Анцәа Иегова ихьӡ ҳәаны диҳәеит. 34 Авраам иҵегь филисти́маа рыдгьыл аҿы акыраамҭа дынхон.
22 Уи ашьҭахь Анцәа ду Авраам дԥишәеит. Иара иҳәеит: «Авраам!» — «Сӡырҩуеит», — иҳәеит егьи. 2 Анцәа иҳәеит: «Суҳәоит, уҷкәын, бзиа иубо уԥазаҵә Исаак думаны адгьыл Мориа́ҟа уца, уа иусырбо ашьхаҿы ирбылуа акәырбан еиԥш дсызнаг».
3 Авраам ашьыжь шаанӡа дгылан, иҽада ирмазеин, ҩыџьа имаҵуцәеи иԥа Исааки иманы ддәықәлеит. Иара ирбылуа акәырбан азы амҿы ԥиҟан, Анцәа ду иахьиеиҳәаз аҭыԥ ахь амҩа дықәлеит. 4 Ахымш рыҽны Авраам харантәи уи аҭыԥ ибеит. 5 Усҟан Авраам имаҵуцәа ус реиҳәеит: «Шәара ара шәыҟаз, аҽадагьы ара иҟаз. Аҷкәыни сареи анахь ҳцоит, Анцәа ҳимҵахырхәаны шәара шәахь ҳхынҳәуеит».
6 Авраам ирбылуа акәырбан азы амҿы иԥа Исаак ижәҩахыр иқәиҵан, амцеи аҳәызбеи аашьҭыхны идәықәлеит. 7 Исаак иаб Авраам ус иеиҳәеит: «Саб!» — «Изакәи, сыҷкәын?» — иҳәеит Авраам. Исаак иациҵеит: «Амцеи амҿи ҳамоуп, аха кәырбанс инаҳго ибылтәу ауаса абаҟоу?» — 8 «Анцәа иҳаиҭоит иаҳблыша ауаса», — иҳәеит Авраам. Нас рымҩа иацырҵеит.
9 Анцәа ду иахьиеиҳәаз аҭыԥ аҟынӡа ианнеи, Авраам уа акәырбаннагарҭа иргылан, амҿы ақәиҵеит, нас иԥа Исаак инапқәеи ишьапқәеи ҿеиҳәан, акәырбаннагарҭа иқәыз амҿы дақәиҵеит. 10 Иҷкәын дишьырц азы аҳәызба анаашьҭихуаз, 11 Иегова имаалықь ажәҩан аҟынтә изҿиҭит: «Авраам, Авраам!» Егьи иҳәеит: «Сӡырҩуеит». 12 Иара иҳәеит: «Думшьын аҷкәын, акгьы изумун. Уажәшьҭа сара издыруеит уара Анцәа ушицәшәо*, избанзар уԥа, уԥазаҵә, сара сзы уимеигӡаӡеит». 13 Усҟан Авраам зтәыҩақәа абардра иалаԥаҭаз аҭыӷь ибеит. Иара уи аҭыӷь иган, иҷкәын иҭыԥан ирбылуа кәырбанҵас инеигеит. 14 Авраам уи аҭыԥ Иегова-И́ре* ахьӡиҵеит. Убри азоуп иахьа уажәраанӡа изырҳәо: «Иегова ишьхаҿы иуҭаху уиҭоит».
15 Иегова имаалықь даҽа знык Авраам ажәҩан аҟынтә изҿиҭын, ус иҳәеит: 16 «„Сара исымаҿоуп, — иҳәоит Иегова, — уҷкәын, уԥазаҵә, уимеигӡаӡакәа иуасҳәаз ахьыҟауҵаз азы 17 сара сузылԥхоит, иухылҵқәогьы ажәҩан икыду аеҵәақәа реиԥш, амшын аҟәара иқәыԥсоу аԥслымӡ еиԥш исыррацәоит. Иухылҵуа иаӷацәа рықалақьқәа итәитәуеит, 18 ухылҵ ила адгьыл иқәынхо ажәларқәа зегьы сырзылԥхоит, избанзар уара сара усзыӡырҩит“».
19 Уи ашьҭахь Авраам имаҵуцәа рахь дхынҳәын, еиманы Бее́р-Ше́ваҟа игьежьит. Авраам Бее́р-Ше́ва дшынхац дынхон.
20 Ԥыҭрак ашьҭахь Авраам изынарыцҳаит: «Ми́лка уашьа Нахо́р иҟынтә аԥацәа лоуит. 21 Раԥхьа Уц, иашьа Буз, нас Кемуи́л (Ара́м иаб), 22 Кесе́д, Ха́зо, Пилда́ш, Идла́ф, Вафуи́л». 23 Вафуи́л Реве́кка диоуит. Ми́лка Авраам иашьа Нахо́р иҟынтә абарҭ ааҩык лыхшеит. 24 Реу́ма зыхьӡыз аҩбатәи иԥҳәысгьы аԥацәа лоуит: Тева́х, Гаха́м, Таха́ш, Маа́ха.
23 Сарра 127 шықәса нылҵит. 2 Лара ханаантәи адгьыл аҿы Кириа́т-Арба́, даҽакала иуҳәозар, Хевро́н, дыԥсит. Авраам иԥҳәыс диҵәыуон. 3 Нас Авраам иԥсыз иԥҳәыс даалыдҵын, хе́ттаа ус реиҳәеит: 4 «Сара ишәыланхо атәымтәылауаҩ соуп. Сшәыҳәоит, аԥсыжраҭыԥ саашәырхәа, сыԥҳәыс дызжырц азы». 5 Хе́ттаа Авраам ус иарҳәеит: 6 «Уаҳзыӡырҩы, ухаҵкы. Уара ҳабжьара Анцәа иалихыз ԥхьагылаҩуп*. Уԥсы ҳнышәынҭрақәа рҟынтә зегь иреиӷьу аҭыԥ аҿы анышә даҭ. Ҳара ҳҟынтә аӡәгьы мап икӡом, уԥсы дахьужыша аҭыԥ урҭоит».
7 Авраам уи адгьыл аҿы инхоз ауаа, хе́ттаа, рҿаԥхьа дхырхәан, 8 ус иҳәеит: «Аԥсы ара лыжра азин сышәҭозар, сшәыҳәоит, Цоха́р иԥа Ефро́н шәсызиҳәа 9 идгьыл аҵыхәаҿы иҟоу иҳаԥы Махпе́ла сааирхәарц. Сара уи иақәу ахә зегь шәаны, шәара ишыжәбо иаасхәоит, сыԥсцәа ахьызжуа аҭыԥ сымазарц азы».
10 Хе́ттаа иреиуаз Ефро́нгьы уа дрылатәан. Иара хе́тааи ақалақь агәашә аҿы еизази ишраҳауаз Авраам ус иеиҳәеит: 11 «Ухаҵкы, сара еиҳангьы иусҭоит, аҳаԥы мацара акәым, уи ахьыҟоу адгьылгьы усҭоит. Сара уи сыжәлар рԥацәа ишырбо иусҭоит. Уԥсы убра анышә даҭ». 12 Усҟан Авраам уи адгьыл иқәынхоз ажәлар рҿаԥхьа дхырхәан, 13 зегьы ишраҳауаз Ефро́н ус иеиҳәеит: «Суҳәоит, усзыӡырҩы! Сара уи адгьыл иақәу ахә зегь узысшәоит. Усҭ, ига абри араӡны, сыԥсы убри адгьыл аҿы анышә дасҭарц азы».
14 Ефро́н Авраам ус иеиҳәеит: 15 «Ухаҵкы, суҳәоит, сара усзыӡырҩы. Адгьыл 400 ше́кель* араӡны иаԥсоуп, аха уи уареи сареи ҳзы иаанагои? Уԥсы убра анышә даҭ». 16 Авраам Ефро́н дизыӡырҩын, хе́ттаа рҿаԥхьа шаҟа иҳәаз аҟара араӡны икапанит: ахәаахәҭцәа рыкапаншьа ала 400 ше́кель араӡны. 17 Убас Ма́мре азааигәара Махпе́ла иҟаз Ефро́н идгьыл — адгьыли, уи адгьыл аҿы иҟаз аҳаԥи, аҵлақәеи — 18 Авраам итәхеит. Хе́тааи ақалақь агәашә аҿы еизази ишырбоз Авраам иааихәаз адгьыл иара имазара акәхеит. 19 Уи ашьҭахь Авраам иԥҳәыс Сарра Ма́мре азааигәара адгьыл Махпе́ла иҟаз аҳаԥаҿы дижит, даҽакала иуҳәозар, Хевро́н, ханаантәи адгьыл аҿы. 20 Убас хе́ттаа адгьыли уа иҟаз аҳаԥи Авраам ирҭеит, уа иԥсцәа ижларц азы.
24 Авраам ақәра ду ниҵит, Иеговагьы уи зегь рыла дизылԥхеит. 2 Авраам иҩнаҭаҿы зегь иреиҳабыз, имазара зегь иахагылаз имаҵуҩы ус иеиҳәеит: «Унапы суаҭәа иаҵаҵаны, 3 ажәҩан Анцәа, адгьыл Анцәа Иегова, ила уқәны ажәа сыҭ сыҷкәын сызланхо ханаа́наа рыԥҳацәа рҟынтә аԥҳәыс дшизааумго. 4 Сыуацәа ахьынхо сыдгьыл ахь уцаны, сыҷкәын Исаак убрантәи аԥҳәыс дизаага».
5 Аха имаҵуҩы ус иҳәеит: «Аӡӷаб ари адгьыл ахь аара лҭахымхар? Усҟан уԥа уахьынтәиааз адгьыл ахь дызгароума?» 6 Авраам иҳәеит: «Мамоу, сыҷкәын уахь думган. 7 Саб иҩнаҭеи сыуацәа рыдгьыли нсыжьырц сазҳәаз ажәҩан Анцәа Иегова дансацәажәоз, „ари адгьыл иухылҵуа ирысҭоит“ ҳәа дықәны ажәа сиҭеит. Иара иуцхраауа амаалықь дааишьҭуеит, уаргьы сыҷкәын уантәи аԥҳәыс дизааугоит. 8 Аха аӡӷаб дуцны аара лҭахымхар, иуҳәаз ажәа анагӡара уалны иудӡам. Амала сыҷкәын уахь думган». 9 Усҟан Авраам имаҵуҩы инапы иԥшәма иуаҭәа инаҵеиҵан, дқәит.
10 Нас Авраам имаҵуҩы 10 махҽки еиуеиԥшым аҳамҭақәеи иманы, Месопотамиаҟа ихы рханы ақалақь Нахо́рҟа ддәықәлеит. 11 Иара имахҽқәа ақалақь ааигәара иҟаз аӡы зҭаз аҵеџь ааигәара иааникылеит. Усҟан хәылбыҽхан, аҳәса аӡаагара ианцоз акәын. 12 Иара Анцәа диҳәеит: «Иегова, сыԥшәма Авраам Инцәа, суҳәоит, сыԥшәма иахь гәыбылрала иҭәу убзиабара аарԥшны, сыҳәара урҳа. 13 Сара аӡыхь аԥхьа сгылоуп, ақалақь аҟынтә аӡӷабцәа аӡаагара иаауеит. 14 „Быԥҳал аҟынтә аӡы сыржә“ ҳәа засҳәо, „ижә, умахҽқәагьы идсыржәуеит“ ҳәа сазҳәо аӡӷаб умаҵуҩы Исаак изы иалухыз лакәхааит. Убас сара еилыскаауеит сыԥшәма иахь гәыбылрала иҭәу абзиабара шааурԥшыз».
15 Иажәа ҳәаны далгаанӡа, ақалақь аҟынтә Авраам иашьа Нахо́р иԥҳәыс Ми́лка лԥа Вафуи́л иԥҳа Реве́кка аԥҳал лыжәҩахыр иқәыргыланы даацәырҵит. 16 Аӡӷаб даараӡа дыԥшӡан, ахаҵагьы макьана длымбаӡацызт. Лара аӡахьы дылбаан, лыԥҳал рҭәны дхалеит. 17 Авраам имаҵуҩы дыҩны дналыдгылан: «Сбыҳәоит, ҿамҩак аӡы сыржә», — ҳәа леиҳәеит. 18 Аӡӷаб илҳәеит: «Ижә, ухаҵкы», — нас ирласны лыԥҳал лыжәҩахыр иаақәылхын, аӡы илыржәит. 19 Аӡы анилыржә ашьҭахь ус лҳәеит: «Сара умахҽқәа рзгьы аӡы аазгалоит рызхара ржәаанӡа». 20 Лыԥҳал иҭаз иаразнак арахә аӡы ахьынтәиржәуаз аӡыржәга инҭалҭәан, аҵеџь ахь дыҩны дцо-даауа, амахҽқәа рзы аӡаагара далагеит. 21 Лара уи даҿнаҵы, илаԥш лхымгакәа, дџьашьо длыхәаԥшуан, убри аамҭазгьы еиликаар иҭахын Иегова имҩа дазылыԥхоу-дазылымԥхоу.
22 Амахҽқәа рызхара аныржә, Авраам имаҵуҩы аӡӷаб ше́кельбжак* иҟаз аԥынҵа иарҭо ахьтәы мацәази 10 ше́кельк* иҟаз ахьтәы напхаҵақәа ҩбеи лиҭеит. 23 Нас дҵааит: «Бзыԥҳада, сыӡӷаб? Баб иҩнаҿы ҳахьаангылаша аҭыԥ ҟалару?» 24 Лара илҳәеит: «Сара Ми́лкеи Нахо́ри рыҷкәын Вафуи́л иԥҳа соуп», — 25 иагьацылҵеит: «Ҳара аҭәагьы ҳамоуп, арахә ирфашагьы ҳамоуп, шәахьыцәаша аҭыԥгьы ҳамоуп». 26 Авраам имаҵуҩы дшьамхышгылан, Иегова диеихырхәан, 27 ус иҳәеит: «Аҽхәаԥхьыӡ игымзааит Иегова, сыԥшәма Авраам Инцәа. Иара сыԥшәма иахь гәыбылрала иҭәу абзиабара аарԥшра даҟәыҵӡом, иажәагьы еснагь инаигӡоит. Иегова сыԥшәма иашьцәа рыҩныҟа сааигеит».
28 Аӡӷаб дыҩны дцан, лан зегь лзеиҭалҳәеит, егьырҭгьы ирзеиҭалҳәеит. 29 Реве́кка Лава́н зыхьӡыз аиашьа длыман. Иара аӡыхь азааигәара игылаз ауаҩ иахь дыццакны иҿынеихеит, 30 избанзар Реве́кка лԥынҵа иамаз амацәази лнапы иахаз ахьи ибеит, насгьы иаҳаит иаҳәшьа: «Абри ауаҩ абасгьы-абасгьы сеиҳәеит», — ҳәа шылҳәоз. Убри аҟынтә Лава́н амахҽқәа зманы аӡыхь азааигәара игылаз иахь иҿынеихеит. 31 Лава́н ус иҳәеит: «Уаала, Иегова дыззылԥхаз. Узгылои ара? Сара аҩны сырмазеит, умахҽқәа рзгьы аҭыԥ сырхиеит». 32 Уи ашьҭахь Авраам имаҵуҩы аҩны дыҩналеит. Иара* амахҽқәа аидара рықәихит, аҭәеи ирфашеи рзааигеит, нас ицызи иареи ршьапқәа рыӡәӡәарц азы аӡы рызнеигеит. 33 Иифаша анимҵадыргыла: «Сыззааз сымҳәакәа аҿаҵа сфом», — иҳәеит. «Иҳәа!» — иҳәеит Лава́н.
34 Иаргьы аиҭаҳәара далагеит: «Сара Авраам имаҵуҩ соуп. 35 Иегова сыԥшәма меигӡарахда дизылԥхеит, иара амазара ду ииҭеит — ауасақәеи, ажәқәеи, араӡни, ахьи, имаҵ зуа ахацәеи аҳәсеи, амахҽқәеи, аҽадақәеи. 36 Сыԥшәма иԥҳәыс Сарра лықәрахь даннеи, сыԥшәма иҟынтә аԥа длоуит, иара уи имоу зегь ииҭоит. 37 Сыԥшәма „зыдгьыл аҿы сынхо ханаа́наа рыԥҳацәа рҟынтә сыҷкәын аԥҳәыс дизааумган“ ҳәа сеиҳәан, сырқәны ажәа сымихит, 38 насгьы иҳәеит: „Саб иҩнахьы, сҭынхацәа рахь уцаны, убрантәи сыҷкәын аԥҳәыс дизаага“. 39 Сара сыԥшәма сиазҵааит: „Аӡӷаб сыцаара лҭахымхар?“ 40 Усҟан иара ус сеиҳәеит: „Зымаҵ зуа* Иегова амаалықь дуциҵоит, иара умҩа дазылԥхоит, уаргьы саб иҩнаҭа иатәу, сҭаацәара иатәу аӡӷаб сыҷкәын ԥҳәысс дизугоит. 41 Исуҭаз ажәа анагӡара уалны иудӡам, сҭынхацәа рҿы уаннеилак аӡӷаб дурымҭар. Усҟан иуҳәаз ажәа анагӡара уалны иудлаӡом“.
42 Иахьа аӡыхь ахь санааи, абас сҳәеит: „Иегова, сыԥшәма Авраам Инцәа, сымҩа уазылԥхозар, сара ишысҳәо иҟалааит. 43 Сара аӡыхь азааигәара сгылоуп. ‚Быԥҳал аҟынтә аӡы сыржә‘, — ҳәа засҳәо, — 44 ‚ижә, умахҽқәагьы идсыржәуеит‘, — ҳәа сазҳәо аӡӷаб сыԥшәма иҷкәын изы Иегова иалихыз лакәхааит“.
45 Сажәа ҳәаны салгаанӡа, Реве́кка аԥҳал лыжәҩахыр иқәыргыланы даацәырҵит. Лара аӡахьы дылбаан, лыԥҳал арҭәра далагеит. Сара слыҳәеит: „Сбыҳәоит, ҿамҩак аӡы сыржә“. 46 Лара ирласны лыԥҳал лыжәҩахыр иаақәылхын: „Ижә, сара умахҽқәа рзгьы аӡы аазгалоит рызхара ржәаанӡа“, — ҳәа салҳәеит. Сара сызхара зжәит, смахҽқәагьы рызхара длыржәит. 47 Нас бзыԥҳада ҳәа слазҵааит. Лара илҳәеит: „Сара Ми́лкеи Нахо́ри рыҷкәын Вафуи́л иԥҳа соуп“. Усҟан сара лԥынҵа амацәаз асҭеит, анапхаҵақәагьы лнапы иахасҵеит. 48 Нас сшьамхышгыланы Иегова сиеихырхәеит, сыԥшәма Авраам Инцәа Иегова дсырҽхәеит, избанзар иара сыԥшәма иҷкәын изы иашьа иԥҳа ԥҳәысс дызгарц азы арахь сааигеит. 49 Уажәшьҭа сыԥшәма иахь ақьиареи* азиашареи аашәырԥшыр шәҭахызар, исашәҳәа, ишәҭахымзаргьы исашәҳәа, иҟасҵаша здыруазарц азы».
50 Лава́ни Вафуи́ли ус рҳәеит: «Ари Иегова иус ауп. Ҳара ааигьы ҳазҳәом, мапгьы ҳазҳәом*. 51 Абар Реве́кка дахьыҟоу, думаны уца. Лара уԥшәма иҷкәын иԥҳәыс лакәхааит, Иегова ишиҳәаз еиԥш». 52 Авраам имаҵуҩы уи аниаҳа, Иегова иҿаԥхьа дшьамхышгыланы дхырхәан, иҭабуп ҳәа иеиҳәеит. 53 Нас Авраам имаҵуҩы араӡнымаҭәеи ахьымаҭәеи, амаҭәеи аацәыриган, Реве́кка ҳамҭас илиҭеит. Иара убас лашьеи лани зыхә ҳаракыз аҳамҭақәа риҭеит. 54 Уи ашьҭахь ицызи иареи акрырфан-акрыржәын, ауха уа иаангылеит.
Ашьыжь ус реиҳәеит: «Сдәықәышәҵа сыԥшәма иахь». 55 Аха Реве́кка лашьеи лани ус рҳәеит: «Аӡӷаб даҽа жәамш ирыдымхаргьы ҳара ҳҿы дыҟаз, нас дцап». 56 Иара ус реиҳәеит: «Сыншәмырхан, избанзар Иегова сымҩа дазылԥхеит. Сдәықәышәҵа сыԥшәма иахь». 57 Усҟан ус рҳәеит: «Шәааи лара дааганы ҳлазҵаап». 58 Реве́кка данаарга, ус илазҵааит: «Ари ауаҩ бицны бцома?» — «Сцоит», — лҳәеит лара.
59 Дара раҳәшьа Реве́кка гәыԥҳәыхшла дзааӡаз* аԥҳәыс длыцҵаны ддәықәырҵеит, Авраам имаҵуҩгьы ицыз ауаа ицҵаны ддәықәырҵеит. 60 Раҳәшьа илықәныҳәан, ус рҳәеит: «Реве́кка, ибхылҵуа рацәахааит, миллионҩыла* иҟалааит, ибхылҵқәо зцәымӷу рықалақьқәа* ртәыртәааит». 61 Усҟан Реве́кка лымаҵ зуаз аҳәсеи лареи амахҽқәа ирықәтәан, Авраам имаҵуҩы ишьҭаланы идәықәлеит. Убас иара Реве́кка диманы амҩа дықәлеит.
62 Ҽнак зны Исаак Бее́р-Лаха́и-Ро́и иаакәыршаны иҟаз аҭыԥқәа рҟынтә дхынҳәит, избанзар Неге́в адгьыл аҿы дынхон. 63 Амра аҭашәамҭазы иара адәахьы ддәылҵит даахәыцырц азы. Данынаԥш, амахҽқәа шаауаз ибеит. 64 Реве́кка Исаак данылба, иаразнак амахҽ дақәҵын, 65 Авраам имаҵуҩы диазҵааит: «Дызусҭада адәы иқәланы иааиуа?» Иара иҳәеит: «Ари сыԥшәма иоуп». Усҟан лара акасы лхалыршәит. 66 Авраам имаҵуҩы иҟаиҵаз зегьы Исаак изеиҭеиҳәеит. 67 Уи ашьҭахь Исаак Реве́кка иан Сарра лқьалахь днеигеит. Убасала Реве́кка иԥҳәыс лакәхеит. Исаак уи бзиа дибеит, убас иан данԥсы ашьҭахь игәы иҟажеит.
25 Авраам еиҭа ԥҳәыс дигеит. Уи Хетту́ра лыхьӡын. 2 Лара Авраам иҟынтә илыхшеит Зимра́н, Иокша́н, Меда́н, Мадиа́н, Ишба́к, Шуа́х.
3 Иокша́н Ше́веи Деда́ни ихылҵит.
Деда́н иԥацәа: Ашури́м, Летуши́м, Леиуми́м.
4 Мадиа́н иԥацәа: Е́фа, Ефе́р, Хано́х, Ави́да, Елда́га.
Арҭ зегьы Хетту́ра лԥацәа роуп.
5 Ԥыҭрак ашьҭахь Авраам имаз зегьы Исаак ииҭеит. 6 Егьырҭ иҳәсақәа ирхылҵыз иԥацәа ракәзар, аҳамҭақәа рыҭаны, иԥсы анҭаз иҷкәын Исаак иҿыҵны хазы инхаларц азы мрагыларатәи адгьылқәа рахь ишьҭит. 7 Авраам 175 шықәса дынхон. 8 Авраам ақәра ду ниҵит, иԥсҭазаара гәахәарыла иҭәын, нас ижәлар иҽрыдикылеит*. 9 Иԥацәа Исааки Измаили раб Ма́мре азааигәара, хе́ттаа иреиуаз Цоха́р иԥа Ефро́н идгьыл аҿы иҟаз аҳаԥы Махпе́ла аҿы анышә дарҭеит, 10 Авраам хе́ттаа рҿы иааихәаз адгьыл аҿы. Иара Сарра лывараҿы анышә дарҭеит. 11 Авраам данԥсы ашьҭахьгьы Анцәа Исаак дизылԥхон. Исаак Бее́р-Лаха́и-Ро́и азааигәара дынхон.
12 Абар Сарра лмаҵуҩԥҳәыс, Египет иатәыз Ага́рь, лҟынтә Авраам иоуз иԥа Измаил иҭоурых.
13 Измаил ихылҵқәаз ирыхьӡын: раԥхьа ииз Наваио́ф, нас Кеда́р, Адбее́л, Мивса́м, 14 Ми́шма, Ду́ма, Ма́сса, 15 Хада́д, Те́ма, Иету́р, Нафи́ш, Ке́дма. 16 Абарҭ Измаил иԥацәеи 12 биԥара рхадацәеи роуп. Ақьалақәа ргыланы иахьынхоз аҭыԥқәагьы, аҭӡамцқәа ргыланы иахьынхоз аҭыԥқәагьы убас рыхьӡын. 17 Измаил 137 шықәса ниҵит. Данԥсы, ижәлар иҽрыдикылеит. 18 Иара ихылҵқәаз Египет иацәыхарамкәа Шур азааигәара иҟаз Хави́ла инаркны Ассирианӡа ақьалақәа рҿы инхон. Дара рашьцәа рааигәара анхара иалагеит*.
19 Абар Авраам иԥа Исаак иҭоурых.
Авраам дихылҵит Исаак. 20 Исаак Реве́кка ԥҳәысс данигоз 40 шықәса ихыҵуан. Реве́кка Падда́н-Ара́м иатәыз араме́иаа иреиуаз Вафуи́л иԥҳа лакәын, араме́и Лава́н иаҳәшьа. 21 Исаак дӷьаҵәыӷьаҵәуа иԥҳәыс лзы Иегова диҳәон, избанзар лара ахшара длоуӡомызт. Иегова уи иҳәара иаҳан, Реве́кка лцәалтәымкәа дҟалеит. 22 Лымгәарҭа иҭаз лԥацәа аиқәԥара иалаган, ус лҳәеит: «Абас иҟалозар, иалысхи аԥсҭазаара?» Нас лара Иегова уи зыхҟьои ҳәа диазҵааит. 23 Иегова ус леиҳәеит: «Бара бымгәа ҩ-жәларык ҭоуп, ҩ-жәларык бхылҵуеит. Жәларык егьи аасҭа иӷәӷәахоит, аиҳабы аиҵбы имаҵ иулоит».
24 Лыхшараиура аамҭа анааи, ҩыџьа еицлоуит. 25 Раԥхьа иҭыҵыз дҟаԥшьӡа, аласамаҭәа ишәызшәа ахәы иқәыссы дыҟан, убри аҟынтә Иса́в* ихьӡырҵеит. 26 Нас Иса́в ишьхәа кны иашьа дҭыҵит, убри аҟынтә уи Иаков* ихьӡырҵеит. Реве́кка урҭ анлоуз Исаак 60 шықәса ихыҵуан.
27 Аҷкәынцәа ирызҳаит. Иса́в дшәарыцаҩ бзиахеит, еснагь адәы дықәын. Иаков ақьалақәа рҿы дыҟан. Иара вба змамыз уаҩ иашан. 28 Исаак Иса́в бзиа дибон, избанзар ашәарахжьы иҿеиҵон, Реве́кка Иаков бзиа дылбон. 29 Зны Иса́в шәарыцарантәи дкараха данаа, Иаков асуԥ аҟаҵара даҿын. 30 Иса́в Иаков ус иеиҳәеит: «Уалга, ирласны исыҭ иҟауҵо асуԥ ҟаԥшь*. Сымчқәа сылӡааит!*» (Убри азы иара Едо́м* ихьӡырҵеит.) 31 Иаков иҳәеит: «Раԥхьа аԥеиҳаб изин сыраахә!» — 32 «Абыржәыҵәҟьа ҿаҵак аасымфар сыԥсуеит! — иҳәеит Иса́в. — Иалысхи, нас, аԥеиҳаб имоу азин?» 33 Иаков иҳәеит: «Уқәны ажәа сыҭ!» Иаргьы дқәын, аԥеиҳаб имаз азин Иаков иааирхәеит. 34 Усҟан Иаков Иса́в ачеи ачечевица суԥи ииҭеит. Иара изхара анифа, дгыланы дцеит. Убас Иса́в аԥеиҳаб иеиԥш имаз азин пату изақәымҵаӡеит.
26 Уи адгьыл аҿы амлакра ҟалеит — Авраам ихаан амлакра знык иҟалахьан, — убри аҟынтә Исаак филисти́маа раҳ Авимеле́х иахь Гера́рҟа дцеит. 2 Иегова Исаак дизцәырҵын, ус иеиҳәеит: «Умцан Египетҟа, сара иусырбо адгьыл аҿы унхала. 3 Унхала* абри адгьыл аҿы, сара суцзаауеит, сузылԥхалоит. Арҭ адгьылқәа зегьы уареи иухылҵқәои ишәысҭоит, инасыгӡоит уаб Авраам исҭаз сажәагьы: 4 „Иухылҵуа ажәҩан икыду аеҵәақәа реиԥш исыррацәоит, сара урҭ абарҭ адгьылқәа зегь рысҭоит, ухылҵ ила адгьыл иқәу ажәларқәа зегьы сырзылԥхоит“. 5 Избанзар Авраам сҳәатәы дықәныҟәон, сыԥҟарақәеи, сзакәанқәеи, сықәҵарақәеи, сҭаххарақәеи дрықәныҟәон». 6 Исаак Гера́р дшынхац дынхон.
7 Уа инхоз ауаа иԥҳәыс ианлызҵаауаз саҳәшьа лоуп ҳәа реиҳәон. Сыԥҳәыс лоуп ҳәа аҳәара дшәон, избанзар ус дхәыцуан: «Ара инхо ауаа Реве́кка лымшала сыршьыр ауеит», избанзар лара дыԥҳәыс ԥшӡан. 8 Аамҭак ашьҭахь филисти́маа раҳ Авимеле́х аԥенџьыр данынкылаԥш, ибеит Исаак Реве́кка гәыблыла дшигәыдиҳәҳәалоз. 9 Усҟан Авимеле́х Исаак диԥхьан, ус иҳәеит: «Ари уԥҳәыс лакәзаап! Саҳәшьа лоуп ҳәа зуҳәеи?» Исаак иҳәеит: «Лымшала сыршьыр ҳәа сшәеит». 10 Авимеле́х иҳәеит: «Иаҳзууи? Ажәлар рҟынтә аӡәы уԥҳәыс длыцышьҭалар ҟалон, уара умшала ахара ҳадлон!» 11 Авимеле́х ажәлар зегьы ирылеиҳәеит: «Абри ауаҩ иԥҳәыси иареи ирылакьысуа аԥсра изыԥшуп!»
12 Исаак уи аҭыԥ аҿы адгьыл дықәаарыхуа далагеит. Уи ашықәсазы иара илеиҵаз аасҭа 100-нтә еиҳаны иҭеигалеит, избанзар Иегова дизылԥхеит. 13 Исаак имазара еиҳа-еиҳа иацлон. Иара даараӡа дбеиахеит. 14 Иара ауасагәарҭақәеи арахә-ашәахәи иман, иман иара убас амаҵуцәа рацәаны. Убри азы филисти́маа иҵашьыцуа иалагеит.
15 Дара неин, Авраам ихаан Авраам имаҵуцәа иржыз аҵеџьқәа еимарыԥсеит. 16 Авимеле́х Исаак ус иеиҳәеит: «Наҟ уҳалҵны уца, избанзар ҳара ҳаасҭа акырӡа уӷәӷәахеит». 17 Исаак уи аҭыԥ аҟынтәи дықәҵны дцан, арха Гера́р анхара далагеит. 18 Исаак иаб Авраам ихаан иржыз аҵеџьқәа ирыцқьеит, избанзар Авраам данԥсы ашьҭахь филисти́маа урҭ еимарыԥсеит. Иара урҭ аҵеџьқәа иаб ириҭахьаз ахьӡқәа риҭеит.
19 Исаак имаҵуцәа арха анышә аныржуаз, аӡыржәтә ахьыҵыҵуаз аҵеџь рыԥшааит. 20 Аха герартәи ахьчацәа Исаак ихьчацәа уи рымаркуа иалаган, ус рҳәеит: «Ари ҳара ҳӡоуп!» Иахьимаркуаз азы Исаак уи аҵеџь Есе́к* ахьӡиҵеит. 21 Исаак имаҵуцәа даҽа ҵеџьк ржит, аха уигьы рымаркуа иалагеит. Убри азы Исаак уи Си́тна* ахьӡиҵеит. 22 Ԥыҭрак ашьҭахь Исаак уантәи дықәҵны дцеит. Дахьнеиз аҭыԥ аҿы даҽа ҵеџьк ижит. Уи уаҳа аӡәгьы имеикӡомызт, убри азы иара уи аҵеџь Рехово́т* ахьӡиҵан, ус иҳәеит: «Уажәшьҭа Иегова аҭыԥ ҭбаа ҳаиҭеит, ари адгьыл аҿы ахшарагьы ҳаиҭеит».
23 Уантәи иара Бее́р-Ше́ваҟа дцеит. 24 Уи ауха Иегова Исаак дизнеин, ус иеиҳәеит: «Сара уаб Авраам Инцәа соуп. Умшәан, сара суцуп. Сара сузылԥхоит, смаҵзуҩы Авраам иаҳаҭыразы иухылҵуа сыррацәоит». 25 Исаак уи аҭыԥ аҿы акәырбаннагарҭа иргылан, Иегова ихьӡ ҳәаны диҳәеит. Иара иқьалагьы уа иргылеит, имаҵуцәагьы аҵеџь ажра иалагеит.
26 Ԥыҭрак ашьҭахь Исаак иахь Авимеле́х иабжьгаҩ Ахуза́ти аруаа реиҳабы Фехо́ли иманы Гера́рынтәи дааит. 27 Исаак ус реиҳәеит: «Шәзааи? Шәара шәакәӡами сызҭахымхаз, шәыдгьыл аҟынтә сықәызцаз?» 28 Дара ус рҳәеит: «Ҳара еилыкка иаҳбеит Иегова дышуцу. Убри азы абас уаҳҳәарц ҳаӡбеит: „Уааи, ажәа ҳаибаҭаны ҳқәып, аиқәшаҳаҭрагьы ҳабжьаҳҵап, 29 цәгьарак шаҳзумуа, избанзар ацәгьара узаҳмуӡеит, абзиара узыҟаҵаны ҭынч уҳашьҭит. Ҳара иаҳбоит Иегова дшузылԥхо“». 30 Усҟан Исаак ачара рзиуит, даргьы ирфеит, иржәит. 31 Адырҩаҽны дара шьыжьымҭан шаанӡа игылан, иқәны ажәа рибаҭеит. Уи ашьҭахь Исаак амҩа бзиа ҳәа нараҳәаны идәықәиҵеит.
32 Уи аҽны аҵеџь ажра иаҿыз Исаак имаҵуцәа ааин: «Аӡы ҳаԥшааит!» — ҳәа иарҳәеит. 33 Иара уи Ши́ва* ахьӡиҵеит. Убри аҟынтә уи ақалақь иахьа уажәраанӡа Бее́р-Ше́ва* ахьӡуп.
34 Иса́в 40 шықәса анихыҵуаз, хе́ттаа иреиуаз Бее́р иԥҳа Иегуди́феи Ело́н иԥҳа Басема́ти ԥҳәысс игеит. 35 Дара Исааки Реве́ккеи даараӡа ргәы ддырхьуан.
27 Исаак иқәрахь даннеи, илақәагьы анца, иԥеиҳаб Иса́в дааиԥхьан, ус иеиҳәеит: «Сыҷкәын!» — «Сӡырҩуеит, саб!» — иҳәеит егьи. 2 Исаак иҳәеит: «Сара сажәит, шаҟа сзынхазгьы сыздырӡом. 3 Суҳәоит, ахыци ахәымпалқәеи аашьҭыхны шәарыцара уца, ашәарахжьы сзаага. 4 Нас бзиа избо афатә хаа ҟаҵаны исзааг исфарц азы, сыԥсаанӡагьы сузылԥхарц азы».
5 Реве́кка Исааки Иса́ви еибырҳәоз лаҳауан. Иса́в дындәылҵын, шәарыцара дцеит, ашәарахжьы ааигарц азы. 6 Реве́кка Иаков ус иалҳәеит: «Сара исаҳаит уаб уашьа Иса́в абас шиеиҳәоз: 7 „Ашәарахжьы сзаага, сыԥсаанӡа Иегова иҿаԥхьа сузылԥхарц азы афатә хаа ҟаҵаны исҿаҵа“. 8 Убри аҟынтә, сыҷкәын, ибзианы усзыӡырҩны иуасҳәо ҟаҵа. 9 Суҳәоит, аџьмақәа рахь уцаны, иреиӷьу ҩба сзаага, сара урҭ уаб бзиа иибо афатә хаа рылсхуеит. 10 Нас уи уаб изугап, ифарц азы, дыԥсаанӡагьы дузылԥхарц азы».
11 Иаков иан Реве́кка ус леиҳәеит: «Сашьа Иса́в ахәы иқәуп, сара исықәӡам. 12 Саб дсылакьысыр? Усҟан сихыччо џьишьоит, сзылԥхара аҭыԥан сишәиуеит». 13 Иан ус иалҳәеит: «Сыҷкәын, ашәиԥхьыӡ сара соуп изықәшәо, уара уакәӡам. Уцаны иуасҳәаз ҟаҵа, уаҳа акгьы аҭахӡам, аџьмақәа сзаага». 14 Усҟан дцан илзааигеит, ларгьы иаб бзиа иибоз афатә хаа ҟалҵеит. 15 Нас Реве́кка лԥеиҳаб Иса́в иреиӷьӡаз имаҭәа, аҩны илымаз имаҭәа, лыԥшаан, лԥеиҵбы Иаков ишәылҵеит. 16 Инапқәеи ахәы ахьақәмыз ихәдеи аџьмацәа акәлыршеит. 17 Нас Иаков илырхиаз афатә хааи илӡыз ачеи илҭеит.
18 Иаков иаб иахь дыҩналан, ус иҳәеит: «Саб!» — «Узусҭада, сыҷкәын?» — дҵааит егьи. 19 Иаков иаб ус иеиҳәеит: «Сара уԥеиҳаб Иса́в соуп. Ишуҳәаз еиԥш зегь ҟасҵеит. Уҽышьҭыхны уҩықәтәа, ашәарахжьы ыф, усзылԥхарц азы». 20 Исаак иҷкәын ус иеиҳәеит: «Ас ирласны излоуԥшааи, сыҷкәын?» Егьи иҳәеит: «Унцәа Иегова исзааишьҭит». 21 Усҟан Исаак Иаков ус иеиҳәеит: «Сыҷкәын, суҳәоит, уааскьа, сулакьысыр сҭахуп, сыҷкәын Иса́в шуакәу агәра згарц азы». 22 Иаков иаб иахь днаскьеит, Исаакгьы уи данилакьыс, ус иҳәеит: «Исаҳауа абжьы — Иаков ибжьоуп, иску анапқәа — Иса́в инапқәа роуп». 23 Иара дизымдырӡеит, избанзар инапқәа иашьа Иса́в инапқәа реиԥш ахәы рықәын. Убри аҟынтә дизылԥхеит.
24 Нас дҵааит: «Сыҷкәын Иса́в уакәҵәҟьоума?» — «Ааи», — иҳәеит егьи. 25 Исаак иҳәеит: «Исыҭ ашәарахжьы, сыҷкәын, исфоит, нас сузылԥхоит». Иаков уи ииҭеит, аҩгьы ииҭеит. Исаак акранифа, акранижә, 26 ус иҳәеит: «Суҳәоит, сыҷкәын, уааины сыгәӡы». 27 Иаргьы иаб иахь днеин дигәӡит, иабгьы имаҭәа афҩы иаҳаит. Усҟан Исаак Иаков дизылԥхан, ус иҳәеит:
«Сыҷкәын ифҩы Иегова дыззылԥхаз адәы афҩы иеиԥшуп. 28 Анцәа ду ажәҩан аҟынтә аӡаӡа уиҭааит, иуиҭааит ичашәу адгьыл, иуиҭааит аҽаҩра ду, аҩгьы меигӡарахда. 29 Ажәларқәа умаҵ рулааит, амилаҭқәа шьамхышгыланы иуеихырхәалааит. Уашьцәа урыԥшәымахааит, уан лыҷкәынцәа шьамхышгыланы иуеихырхәалааит. Узшәиуа шәихоит, узныҳәо ныҳәахоит».
30 Исаак Иаков данизылԥха ашьҭахь иаб иҟынтә дшаадәылҵыз еиԥшҵәҟьа иашьа Иса́в шәарыцарантәи дхынҳәит. 31 Иаргьы афатә хаа ҟаҵаны иаб изнеиган, ус иҳәеит: «Саб, уҽышьҭыхны уҩықәтәа, иф уҷкәын иузааигаз ашәарахжьы, уизылԥхарц азы». 32 Исаак дҵааит: «Узусҭада?» — «Сара уԥеиҳаб Иса́в соуп», — иҳәеит иара. 33 Исаак аҵыс-ҵысра далаган, ус иҳәеит: «Дызусҭада, нас, ашәарахжьы сзаазгаз? Уара уааиаанӡа уи сфахьан, исҿазҵазгьы сизылԥхеит. Уи ԥсахшьа амаӡам!»
34 Иса́в иаб ииҳәаз аниаҳа, дхәаауа иаб иҳәара далагеит: «Саб, суҳәоит, саргьы, саргьы усзылԥха!» 35 Иаб ус иҳәеит: «Уашьа даан сижьеит, уара уҭыԥан иара сизылԥхарц азы». 36 Иса́в иҳәеит: «Баша Иаков* ихьӡума? Иара ҩынтәуп дсыгәҭасуеижьҭеи. Уаанӡа аԥеиҳаб изин сымиххьан, уажәшьҭа сзылԥхарагьы сымихит». Нас иациҵеит: «Сара сзы азылԥхарақәа умаӡами?» 37 Исаак Иса́в ус иеиҳәеит: «Уашьа уара ԥшәымас духасыргылеит, иашьцәа зегь маҵуцәас исҭеит, аҽаҩреи аҩи имазарц азы сизылԥхеит. Уара узы иҟасҵар сылшои, сыҷкәын?»
38 Иса́в иаб ус иеиҳәеит: «Саб, зылԥхарак аума иумоу? Саргьы, саб, саргьы усзылԥха!» Абас ааиҳәан, дқьызқьызуа, инеимаҭәаны аҵәыуара далагеит. 39 Иаб Исаак ус иҳәеит:
«Уара ичашәу адгьыл аҿы унхалаӡом, ажәҩан аҟынтә аӡаӡагьы уоулаӡом. 40 Уара а́ҳәа ала ухы ныҟәугалоит, уашьагьы имаҵ уулоит. Уи ануцәыхьанҭахалак, уашьа иуӷә уҟәаҟәа иқәухуеит».
41 Иса́в Иаков игәаӷ икит, иаб иара иакәымкәа, Иаков дахьизылԥхаз азы. Иса́в гәаныла ус дхәыцуа далагеит: «Иаарласны саб иџьабара аамҭа ааиуеит, уи ашьҭахь сашьа Иаков дысшьуеит». 42 Реве́кка лԥеиҳаб Иса́в игәы иҭеикыз анларҳәа, иаразнак лԥеиҵбы Иаков дааиааит ҳәа лыцҳаит. Данааи, ус иалҳәеит: «Уашьа Иса́в иҟауҵаз азы уишьыр иҭахуп. 43 Убри аҟынтә, сыҷкәын, иуасҳәо ҟаҵа, Хара́н инхо сашьа Лава́н иахь уҩны уца. 44 Уа уҟаз уашьа иҽеиқәикаанӡа, 45 иҟауҵаз ихашҭны иҽирҭынчаанӡа. Нас уаарц узынасыцҳауеит. Шәҩыџьагьы ҽнакала шәысцәыӡыр сҭахӡам».
46 Уи ашьҭахь Реве́кка Исаак ус иалҳәеит: «Хе́ттаа рыӡӷабцәа ирыхҟьаны сыԥсҭазаара цәгьахеит, уаҳа сзычҳауам. Иаковгьы ари аҭыԥ аҿы инхо хе́ттаа рыӡӷабцәа рҟынтә аӡә ԥҳәысс дигар аасҭа, сыԥсыр еиҳа еиӷьуп!»
28 Убри аҟынтә Исаак Иаков диԥхьан, диқәныҳәеит, нас ус иеиҳәеит: «Ханаа́наа рыԥҳацәа рҟынтә аӡәгьы ԥҳәысс думган. 2 Уца Падда́н-Ара́мҟа, уабду Вафуи́л иҩнаҭахьы унеины, уаншьа Лава́н иԥҳацәа рҟынтә аӡә ԥҳәысс дга. 3 Зегьзымчу Анцәа дузылԥхоит, ахшара рацәаны иуиҭоит, ажәлар ду ухылҵуеит. 4 Иара иухылҵуагьы уаргьы дышәзылԥхоит, Авраам дшизылԥхаз еиԥш. Анцәа Авраам ииҭаз уажәы узқәынхо адгьыл уара иутәхоит».
5 Абас наиаҳәаны, Исаак Иаков ддәықәиҵеит. Иаков Падда́н-Ара́м инхоз Лава́н иахь амҩа дықәлеит. Лава́н Вафуи́л иԥа иакәын. Вафуи́л дараме́ин. Лава́н Иакови Иса́ви ран Реве́кка лашьа иакәын.
6 Иса́в еиликааит Исаак Иаков диқәныҳәаны, ԥҳәыс дааигарц азы Падда́н-Ара́мҟа дшишьҭыз, диқәныҳәангьы абас шиҳәаз: «Ханаа́наа рыԥҳацәа рҟынтә аӡәгьы ԥҳәысс думган», — 7 насгьы Иаков иани иаби дырзыӡырҩны Падда́н-Ара́мҟа дышцаз. 8 Усҟан Иса́в еиликааит иаб Исаак ханаа́наа рыӡӷабцәа шигәамԥхо. 9 Убри аҟынтә Иса́в Измаил иахь дцаны, имаз аҳәсақәа рнаҩсгьы Авраам иԥа Измаил иԥҳа Махала́т ԥҳәысс дигеит. Лара Наваио́ф иаҳәшьа лакәын.
10 Иаков Бее́р-Ше́вантәи Хара́нҟа иҿынеихеит. 11 Аамҭак ашьҭахь дыԥхьарц азы ҭыԥк аҿы даангылеит, избанзар амра ҭашәахьан. Ахаҳә ихы инаҵеиҵан, дыцәарц дышьҭалеит. 12 Дахьынаиаз аԥхыӡ ибоит: адгьыл аҿы амардуан гылоуп, ақәцә ажәҩан аҟынӡа инаӡоит, уи амардуан ала Анцәа имаалықьцәа халоит, илбаауеит. 13 Уи аханы Иегова дибеит, иара абас иҳәон:
«Сара Иегова, уаб Авраам Инцәа, Исаак Инцәа соуп. Уахьықәиоу адгьыл иухылҵқәои уареи ишәысҭоит. 14 Иухылҵуа адгьыл иқәу аԥслымӡ еиԥш ирацәахоит. Уара уҽырҭбааны мраҭашәареи, мрагылареи, аладеи, аҩадеи ықәурҭәаауеит, иухылҵуеи уареи рыла адгьыл иқәу ажәларқәа зегьы сырзылԥхоит. 15 Уахьцалакгьы еснагь сухылаԥшлоит, ари адгьыл ахь усырхынҳәуеит. Иуасҳәаз насыгӡаанӡа суцзаауеит, уаансыжьӡом».
16 Иаков данааԥш ус иҳәеит: «Ииашаҵәҟьаны, ара Иегова дыҟазаап, сара иагьсыздырӡомызт». 17 Дшәан, ус иациҵеит: «Изакә ҭыԥ ԥшьоузеи! Ари хымԥада Анцәа иҩноуп, ажәҩан агәашә ауп». 18 Ашьыжь шаанӡа Иаков дҩагылан, ихы иаҵаз ахаҳә абаҟа еиԥш иргылан, ахәша ақәиҭәеит. 19 Убри азы иара уи аҭыԥ Вефи́ль* ахьӡиҵеит, уаанӡа уи ақалақь Луз ахьӡын.
20 Нас Иаков аҿаҭахьа иқәиҵан, абас иҳәеит: «Анцәа саанмыжькәа анаҩсгьы дсыцзаауазар, сымҩаҿы дысхылаԥшлозар, исфашеи исшәысҵашеи сиҭалозар, 21 сеибга-сеизҩыда саб иҩнахьы сзыхынҳәуазар, Иегова Сынцәа шиакәу сирбоит. 22 Абаҟа еиԥш исыргылаз ари ахаҳә Анцәа иҩны акәхоит, исуҭо зегь аҟынтә ажәабатәи ахәҭа усҭоит».
29 Уи ашьҭахь Иаков Мрагылара инхоз ауаа рыдгьыл ахь имҩа иациҵеит. 2 Иара адәҳәыԥш аҿы аҵеџь ибеит. Уи аҵеџь азааигәара х-уасагәарҭак рыԥсы ршьон, избанзар уи аҵеџь аҟынтә акәын ауасақәа аӡы шыддыржәуаз. Аҵеџь ахаҳә ду ахҩан. 3 Ауасагәарҭақәа анеизалак, ахьчацәа аҵеџь ахаҳә ақәырхуан, ауасақәа аӡы ддыржәырц азы, нас еиҭа ихырҩон.
4 Иаков ахьчацәа дразҵааит: «Сашьцәа, шәабатәиқәоу?» — «Хара́н ҳатәуп», — рҳәеит дара. 5 Иара ус дразҵааит: «Нахо́р имоҭа Лава́н дыжәдыруама?» — «Даҳдыруеит», — рҳәеит дара. 6 Усҟан иара дҵааит: «Дышԥаҟоу, иусқәа шԥацо?» — «Дыбзиоуп, хар имам, — рҳәеит дара. — Абар иԥҳа Рахиль иуасақәа дрыцны дахьаауа». 7 Иаков иҳәеит: «Уажәы шьыбжьонуп. Ауасагәарҭақәа реизгара иаамҭаӡам. Аӡы дыржәны, аҳәырҭақәа рахь ижәга». 8 Дара ус рҳәеит: «Ауасагәарҭақәа зегьы еизаанӡа уи ҳзыҟаҵаӡом. Нас аҵеџь ахаҳә ақәхны аӡы дҳаржәуеит».
9 Урҭ драцәажәонаҵы, Рахиль илыхьчоз лаб иуасақәа лыманы дааит. 10 Иаков ианшьа Лава́н иԥҳа Рахильи иуасақәеи аниба, днеин, аҵеџь ахаҳә ақәхны ианшьа иуасақәа аӡы диржәуа далагеит. 11 Нас Рахиль даагәыдикылан, акьыжыҳәа аҵәыуара далагеит. 12 Иаков Рахиль илеиҳәеит лаб дышиуаз*, насгьы Реве́кка лыҷкәын шиакәыз. Усҟан лара дыҩны дцан, лаб зегь изеиҭалҳәеит.
13 Лава́н иаҳәшьаԥа Иаков иӡбахә аниаҳа, дыҩны диԥылеит. Дааигәыдиҳәҳәалан дгәыдикылеит, нас иҩныҟа дигеит. Уи ашьҭахь Иаков дзықәшәаз зегь Лава́н изеиҭеиҳәеит. 14 Лава́н ус иеиҳәеит: «Уара сҭынха гәакьа уоуп*». Иаков иара иҿы мызк дуӡӡа дынхон.
15 Уи ашьҭахь Лава́н Иаков ус иеиҳәеит: «Сҭынха* уоуп ҳәа амалаҳәа сара сҿы аус уулар акәӡам. Шаҟа узысшәар уҭаху саҳә?» 16 Лава́н ҩыџьа аԥҳацәа иман, аиҳабы Лиа лыхьӡын, аиҵбы — Рахиль. 17 Лиа уиаҟара дыԥшӡаӡамызт*, Рахиль лакәзар, улаԥш налыдхало, даараӡа дыԥшӡан. 18 Иаков Рахиль бзиа дибеит, убри азы Лава́н ус иеиҳәеит: «Сара уԥҳа еиҵбы Рахиль лзы бжьышықәса умаҵ зулоит». 19 Лава́н иҳәеит: «Уара дусҭар еиҳа еиӷьуп, даҽаӡәы дисҭар аасҭа. Унхала сара сҿы». 20 Иаков Рахиль лзы бжьышықәса Лава́н имаҵ иуан, аха бзиа дибон азы ицаз мышқәак ракәушәа ауп игәы ишабаз.
21 Иаков Лава́н ус иеиҳәеит: «Иазԥаҳҵәаз аҿҳәара ааит, сажәа насыгӡеит, уажәшьҭа сыԥҳәыс дсыҭ, слыцынхаларц азы*». 22 Усҟан Лава́н агәылацәа зегь ааизиган, ачара иуит. 23 Аха ианыхәла, Лава́н Иаков иахь Лиа днеигеит, длыцышьҭаларц азы. 24 Иара Лиа имаҵуҩԥҳәыс Зе́лфа маҵуҩыс длиҭеит. 25 Ашьыжь Иаков уи Лиа шлакәыз ибеит! Усҟан иара Лава́н ус иеиҳәеит: «Абас шԥасзууи? Рахиль лзы акәӡами умаҵ зызуаз? Сзужьеи?» 26 Лава́н иҳәеит: «Аиҳабы лаԥхьа аиҵбы хаҵа дцар ҟалаӡом, уи ҳҵасқәа ирыҵанакӡом. 27 Бжьымшы ари аԥҳәыс улыцгәырӷьала, нас егьи дусҭоит, аха уи лзы даҽа бжьышықәса сымаҵ уулароуп». 28 Иаков убас иагьыҟаиҵеит. Бжьымшы иара уи аԥҳәыс длыцгәырӷьон, нас Лава́н Рахильгьы ԥҳәысс дииҭеит, 29 имаҵуҩԥҳәыс Ва́ллагьы Рахиль маҵуҩыс длиҭеит.
30 Иаков Рахильгьы длыцышьҭалеит. Иара Рахиль Лиа лаасҭа бзиа дибон, даҽа бжьышықәса лара лзы Лава́н имаҵ иуан. 31 Иегова ибеит Иаков Лиа бзиа дшимбоз*, убри аҟынтә лцәалтәымкәа дҟалартә иҟаиҵеит*. Рахиль ахшара длоуӡомызт. 32 Лиа лцәалтәымкәа дҟалан, аԥа длоуит, уи Руви́м* ихьӡылҵеит, избанзар илҳәон: «Иегова сышрыцҳаз ибеит. Уажәшьҭа схаҵа бзиа сибап». 33 Нас еиҭа лцәалтәымкәа дҟалан, аԥа длоуит, иагьылҳәеит: «Иегова иаҳаит Иаков бзиа сшимбо, убри аҟынтә ари аԥагьы дсиҭеит». Лара уи Симеон* ихьӡылҵеит. 34 Еиҭа лцәалтәымкәа дҟалан, аԥа длоуит, иагьылҳәеит: «Уажәшьҭаҵәҟьа схаҵа сгәыбылра икып, избанзар сара уи хҩык аԥацәа исҭеит». Убри аҟынтә лара уи Ле́ви* ихьӡылҵеит. 35 Даҽазнык лцәалтәымкәа дҟалан, аԥа длоуит, иагьылҳәеит: «Уажәшьҭа сара Иегова дсырҽхәалоит». Убри аҟынтә уи Иуда* ихьӡылҵеит. Уи ашьҭахь лара ахшараиура даҟәыҵит.
30 Рахиль ахшара шылмоуа анылба, лаҳәшьа длыҵашьыцуа далагеит. Иаков ус иалҳәон: «Ахшара сыҭ, мамзар сыԥсуеит». 2 Иаков Рахиль игәы лзыԥжәан, ус леиҳәеит: «Сара Сынцәоума? Иара иоуп ахшара бызымҭо». 3 Усҟан лара илҳәеит: «Абар смаҵуҩԥҳәыс Ва́лла дахьыҟоу. Улыцышьҭал, сара сзы ахшара лоурц азы*. Усҟан урҭ ахәыҷқәа сара истәхоит». 4 Убас лмаҵуҩԥҳәыс Ва́лла Иаков ԥҳәысс дилҭан, Иаков уи длыцышьҭалеит. 5 Ва́лла лцәалтәымкәа дҟалан, Иаков иҟынтә аԥа длоуит. 6 Усҟан Рахиль ус лҳәеит: «Анцәа ӡбаҩыс дысзыҟалан, сыҳәара иаҳаит, иара аԥа дсиҭеит». Убри аҟынтә лԥа Дан ихьӡылҵеит*. 7 Рахиль лмаҵуҩԥҳәыс еиҭа лцәалтәымкәа дҟалан, Иаков иҟынтә аҩбатәи аԥа длоуит. 8 «Сара ишсымчыз саҳәшьа слақәԥон, сагьылиааит», — лҳәан Рахиль, лԥа Неффали́м* ихьӡылҵеит.
9 Лиа уаҳа ахшара шылмоуаз анылба, лмаҵуҩԥҳәыс Зе́лфа Иаков ԥҳәысс дилҭеит. 10 Лиа лмаҵуҩԥҳәыс Зе́лфа Иаков иҟынтә аԥа длоуит. 11 Усҟан Лиа: «Исықәманшәалахеит!» — лҳәан, лԥа Гад* ихьӡылҵеит. 12 Уи ашьҭахь Лиа лмаҵуҩԥҳәыс Зе́лфа Иаков иҟынтә аҩбатәи аԥа длоуит. 13 Лиа илҳәеит: «Изакә насыԥузеи! Уажәшьҭа аҳәса насыԥ змоу ҳәа сзырҳәалоит». Убри аҟынтә Аси́р* ихьӡылҵеит.
14 Ачарыц анҭаргалоз аамҭазы Руви́м адәаҿы амандрагорақәа иԥшаан, иан Лиа илзааигеит. Усҟан Рахиль Лиа длыҳәеит: «Быҷкәын ибзааигаз мандрагора цырақәак сыҭ сбыҳәоит». 15 Аха лара ус лҳәеит: «Схаҵа дахьыбгаз азмырхакәа, сыҷкәын имандрагорақәагьы бҭаххама?» Убри аҟынтә Рахиль илҳәеит: «Ибзиоуп. Уаха дбыцышьҭалоит, амандрагорақәа сыбҭар».
16 Ахәылбыҽха Иаков данааи, Лиа диԥылан, ус иалҳәеит: «Уаха сара усыцышьҭалоит, избанзар сыҷкәын имандрагорақәа рыла уи азин аасхәеит». Иаргьы уи ауха длыцышьҭалеит. 17 Анцәа Лиа лыҳәара иаҳан, аҭак ҟаиҵеит. Лара лцәалтәымкәа дҟалан, Иаков иҟынтә ахәбатәи аԥа длоуит. 18 Усҟан Лиа ус лҳәеит: «Анцәа ахәԥса сзишәеит, смаҵуҩԥҳәыс схаҵа дахьисҭаз азы». Убри аҟынтә уи Иссаха́р* ихьӡылҵеит. 19 Лиа еиҭа лцәалтәымкәа дҟалан, Иаков иҟынтә афбатәи аԥа длоуит. 20 Лара илҳәеит: «Анцәа зеиԥшыҟам аҳамҭа сиҭеит. Уажәшьҭаҵәҟьа схаҵа сидикылоит, избанзар фҩык аԥацәа исҭеит». Убри аҟынтә уи Завуло́н* ихьӡылҵеит. 21 Уи ашьҭахь лара аԥҳа длоун, Дина лыхьӡылҵеит.
22 Аҵыхәтәаны Анцәа Рахиль дигәалашәеит. Иара лыҳәара иаҳан, лцәалтәымкәа дҟалеит. 23 Рахиль лцәалтәымкәа дҟалан, аԥа длоуит. Усҟан лара илҳәеит: «Анцәа сыхьымӡӷ схихит!» 24 Лара уи Иосиф* ихьӡылҵан, абас лҳәеит: «Иегова даҽа ԥак дысзациҵеит».
25 Рахиль Иосиф данлоу ашьҭахь Иаков Лава́н ус иеиҳәеит: «Сышьҭы сыҩныҟа, сыдгьыл ахь. 26 Умаҵ ззы изуаз сыҳәсеи схәыҷқәеи сыҭаны сышьҭы. Уара иудыруеит схы самеигӡакәа умаҵ шызуаз». 27 Лава́н ус иҳәеит: «Уразра саԥсахазар... Адыргақәа ирҳәоит* Иегова уара убзоурала дшысзылԥхо». 28 Нас иациҵеит: «Шаҟа узысшәарц уҭаху ҳәа, иусҭоит». 29 Иаков ус иеиҳәеит: «Уара иудыруеит схы самеигӡакәа умаҵ шызуаз, урахә-ушәахәгьы зеиԥшрахаз. 30 Уара уахь саанӡа иумаз маҷын, уажәы урахә-ушәахә рхыԥхьаӡара иазҳаит, ирацәахеит, избанзар сара санаа ашьҭахь Иегова дузылԥхеит. Аха сҭаацәа рзы ак анбаҟасҵо?»
31 Лава́н Иаков иусҭари ҳәа диазҵааит. Иаков иҳәеит: «Акгьы сыҭара аҭахӡам. Сызуҳәо ҟауҵар, анаҩсгьы уԥсаса сыхьчалоит. 32 Уааи иахьа уԥсаса ҳалаԥшып. Уара иугоит акәаԥ зқәыԥсоу, насгьы еилыӷраау ауасақәа зегьы, еиқәоу аҭыӷь ҿақәа зегьы, иара убас акәаԥ зқәыԥсоу, насгьы еилыӷраау аџьмақәа зегьы. Иахьа инаркны абарҭ сыхәԥса ракәхоит. 33 Сыԥсаса* гәоуҭарц уаннеиуа, иубоит ушысымжьо. Аџьмақәа рыбжьара акәаԥ зқәыԥсам, насгьы иӷрам убар, аҭыӷь ҿақәа рыбжьарагьы еиқәам убар, уи ӷьычуп ҳәа иԥхьаӡахоит».
34 Лава́н иҳәеит: «Ибзиоуп. Ишуҳәаз иҟаҳҵап». 35 Уи аҽны иара игеит иҷыӷрааӡа иҟаз, насгьы еилыӷрааз абаӷьқәа зегьы, иара убас акәаԥ зқәыԥсаз, насгьы еилыӷрааз, маҷк иадамзаргьы ашкәакәара злаз аџьмақәа зегьы, иара убас еиқәаз аҭыӷь ҿақәа зегьы. Иара урҭ иҷкәынцәа ириҭеит, ирхылаԥшларц азы. 36 Уи ашьҭахь иара урҭ Иаков иҟынтә хымш амҩа уахьықәхоз аҭыԥ аҟынӡа инеигеит. Иаков иакәзар, иаанхаз Лава́н иԥсаса ахьчара далагеит.
37 Иаков ҿыц ихҵәаны иҟаз асти́ракс амахәқәеи, аминдаль амахәқәеи, аҷандар амахәқәеи цәаҳәак ныжьуа, даҽа цәаҳәак цәырҳәуа ицәын, ргәыцә ашкәакәара ааирԥшит. 38 Иара зцәа зхихыз амахәқәа аӡыржәгақәа ирҭеиҵон, аԥсаса аӡыжәра ианааиуа, амахәқәа рҿаԥхьа еиқәԥаларц азы.
39 Аԥсаса аннеилак, амахәқәа рҿаԥхьа еиқәԥон. Убас иҷыӷрази, ақәаԥ зқәыԥсази, еилыӷраази ииуан. 40 Иаков аҭыӷь ҿақәа рылганы, аԥсаса убас иргылон, Лава́н иԥсаса иҷыӷрази еиқәази ирыхәаԥшлартә еиԥш. Нас иԥсаса хазы иргылон, иԥсасеи Лава́н иԥсасеи еилеиԥсаӡомызт. 41 Еиҳа иӷәӷәаз анеиқәԥоз, Иаков еснагь рҿаԥхьа аӡыржәга амахәқәа ҭеиҵон, амахәқәа рааигәара еиқәԥаларц азы. 42 Еиҳа ихьысҳаз анеиқәԥоз, амахәқәа ҭеиҵаӡомызт. Убас ихьысҳаз еснагь Лава́н иқәшәон, иӷәӷәаз — Иаков.
43 Иаков даара дбеиахеит, иԥсаса ҵҩа рымамкәа иҟалеит, имаҵ зуаз ахацәеи аҳәсеи, амахҽқәеи, аҽадақәеи рхыԥхьаӡара еизҳауан.
31 Ԥыҭрак ашьҭахь Иаков иаҳаит Лава́н иҷкәынцәа абас шырҳәоз: «Иаков ҳаб имаз зегь имихит, иара ила дбеиахеит». 2 Иаков Лава́н ихы-иҿы ианибаалеит уи уаанӡа дшизыҟаз еиԥш уажәы дшизыҟам. 3 Аҵыхәтәаны Иегова Иаков ус иеиҳәеит: «Ухынҳәы уабацәа рыдгьыл ахь, ууацәа рахь, сара суцзаауеит». 4 Усҟан Иаков Рахильи Лиеи иԥсаса ахьҳәуаз иааирц рзынаицҳаит. 5 Ианааи, ус реиҳәеит:
«Сара игәасҭеит шәаб уаанӡа дшысзыҟаз еиԥш уажәы дшысзыҟам, аха сара саб Инцәа дсыцуп. 6 Шәара ижәдыруеит шәаб иҿы схы самеигӡаӡакәа аус шызуаз, 7 аха иара сижьар иҭахын, жәантә ихә иԥсаххьан. Аха Анцәа имуӡеит иара ацәгьара сзиур. 8 „Акәаԥқәа зқәыԥсоу рыла ахә сшәоит“, — аниҳәоз, акәаԥқәа зқәыԥсоу ииуан. „Аҷыӷрақәа рыла ахә сшәоит“, — аниҳәоз, аҷыӷрақәа ииуан. 9 Убасала Анцәа шәаб аԥсаса имхны, сара исиҭеит. 10 Зны аԥсаса анеиқәԥоз, ԥхыӡла избеит аџьмақәа ирақәԥоз абаӷьқәа иҷыӷрааз, акәаԥ зқәыԥсаз, еилыӷрааз шракәыз. 11 Анцәа ду имаалықь ԥхыӡла ус сеиҳәеит: „Иаков!“ — „Сӡырҩуеит“, — сҳәеит сара. 12 Нас иациҵеит: „Уԥшы: аџьмақәа ирақәԥо абаӷьқәа иҷыӷраау, акәаԥ зқәыԥсоу, еилыӷраау роуп, избанзар сара избоит Лава́н дышузныҟәо, иҟаиҵо зегь збоит. 13 Сара Вефи́ль уаныҟаз иузнеиз Анцәа ду соуп, абаҟа ргыланы ахәша ахьақәуҭәаз, ажәагьы ахьсуҭаз аҭыԥ аҿы иузнеиз. Шьҭа ари адгьыл ааныжьны уахьиз адгьыл ахь ухынҳәы“».
14 «Ҳаб иҟынтә иаҳҭынхо акрыҟоума? — рҳәеит Рахильи Лиеи. — 15 Иара ҳтәымуааушәа акәӡами дшаҳзыҟоу? Ҳаиҭиин, иҳаҭнихыз аԥарала ауп дшынхо. 16 Анцәа ҳаб имихыз амазара зегьы ҳхәыҷқәеи ҳареи иаҳтәуп. Убри азы Анцәа иуеиҳәаз зегь ҟаҵа».
17 Усҟан Иаков ихәыҷқәеи иҳәсеи амахҽқәа ирықәиртәан, 18 ирҳаз имазара зегь аашьҭихын, иара убас Падда́н-Ара́м ииааӡаз иԥсаса зегь ааидикылан, иаб Исаак иахь Ханаа́нҟа иҿынеихеит.
19 Лава́н иуасақәа рырҟәыдра данца, Рахиль итерафи́мқәа* лӷьычит. 20 Иаков агәеилых ааирԥшит: иараме́из Лава́н акгьы иамҳәаӡакәа дцеит. 21 Иара имаз зегь иманы аӡиас Евфрат дырит, нас Галаа́д ашьхақәа рахь иҿынеихеит. 22 Ахымш рыҽны Лава́н иарҳәеит Иаков дышцаз. 23 Усҟан иашьцәа* аашьҭихын дрышьҭалеит, бжьымш рышьҭахь Галаа́д ашьхақәа рҿы дрыхьӡеит. 24 Уахынла араме́и Лава́н Анцәа ԥхыӡла дизнеин, ус иеиҳәеит: «Иаков иоуҳәо уацклаԥшла»*.
25 Убасала, Лава́н Иаков данихьӡа, Иаков Галаа́д ашьхақәа руак аҿы иқьала иргылахьан. Лава́нгьы иашьцәеи иареи рқьалақәа уи аҭыԥ азааигәара иргылеит. 26 Лава́н Иаков иеиҳәеит: «Иҟауҵеи? Сзужьеи? Сыԥҳацәа аибашьраҿы итҟәаны ирго реиԥш иуманы узцеи? 27 Сжьаны, маӡала убналаны узцеи, акгьы зсоумҳәеи? Сгәырӷьо, ашәа ҳәо, ахьархьари аҩымааи арҳәо унаскьасымгози. 28 Смоҭацәеи сыԥҳацәеи абзиараз ҳәа раҳәаха сумҭаӡеит, исызгәыдымкылаӡеит. Агаӡара ҟауҵеит! 29 Сара исылшоит* ацәгьара шәзура, аха иаха шәаб Инцәа ус сеиҳәеит: „Иаков иоуҳәо уацклаԥшла“. 30 Ибзиоуп, уаб иҩнаҭа гәхьаауган уцеит, аха сынцәахәқәа зуӷьычи?»
31 Иаков Лава́н ус иеиҳәеит: «Уԥҳацәа сцәугар ҳәа сшәеит. 32 Унцәахәқәа зҿы иуԥшаауа днымхароуп, дыԥсыроуп. Ҳашьцәа ишырбо исымоу зегь еимдааны, иутәу га». Иаков издырӡомызт урҭ Рахиль ишылӷьычыз. 33 Лава́н Иаков иқьала дыҩналеит, нас Лиа лқьала, нас ҩыџьа амаҵуҩцәа рқьала, аха инцәахәқәа изымԥшааӡеит. Нас Лиа лқьала дыҩныҵын, Рахиль лқьала дыҩналеит. 34 Рахиль атерафи́мқәа лган, амахҽ акәадыр иҭалҵан, хыхь дықәтәеит. Лава́н ақьала зегь еимидеит, аха акгьы изымԥшааӡеит. 35 Рахиль лаб ус иалҳәеит: «Усзымгәаан, саб, ухаҵкы, сахьзымгыло азы, сара аҳәса абжьааԥны ирымоу сымоуп». Лава́н зегь еимидеит, аха атерафи́мқәа изымԥшааӡеит.
36 Усҟан Иаков игәы ԥжәан, Лава́н ус иеиҳәеит: «Узсышьҭашәарыцои, цәгьарак ҟасҵазшәа? Иарбан гәнаҳау иҟасҵаз? 37 Сымаҭәақәа урылаланы зегь еимудеит, нас, иутәыз ҳәа акыр узыԥшаама? Кыр уԥшаазар, абра уашьцәеи сашьцәеи рҿаԥхьа ишьҭаҵа, ҳус дара еилдыргааит. 38 Сара уара уҿы 20 шықәса сынхон, урҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа еимгәахоз ууасақәеи уџьмақәеи рԥацәа акгьы рмыхьӡакәа ииуан. Сара уԥсаса аҟынтә уасакгьы сымфацызт. 39 Агыгшәыгқәа еимыжәжәаны ишьҭарҵаз аԥстәқәа узаазгаӡомызт, урҭ рцынхәра схаҭа иусҭон. Ҽынлоума, уахынлоума акы анырӷьычуаз, рыхә сара исуршәон. 40 Ҽынла ашоура сыԥсуан, уахынла — ахьҭа, сыцәагьы ҟьалон. 41 Убас 20 шықәса уара уҿы сынхон. Ҩыџьа уԥҳацәа рзы 14 шықәса умаҵ зуан, уԥсасазы — 6 шықәса, аха уара жәантә сыхә уԥсахуан. 42 Сара саб Инцәа, Авраам Инцәа, Исаак дзыцәшәо Анцәа* дсыцмызҭгьы, снапы ҭацәны соуужьуан. Анцәа сгәаҟрақәеи сџьабааи ибеит, убри аҟынтә иаха уахьиашамыз уеиҳәеит».
43 Лава́н Иаков ус иеиҳәеит: «Арҭ аԥҳацәа — сыԥҳацәа роуп, арҭ ахәыҷқәа — схәыҷқәа роуп, ари аԥсаса — сара сыԥсаса ауп. Абра иубо зегь сыԥҳацәеи сареи ҳтәоуп. Нас, сыԥҳацәеи урҭ рхәыҷқәеи ацәгьара шԥарзызуеи? 44 Уааи аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵап, уи уареи сареи шаҳаҭс иаҳзыҟалоит». 45 Нас Иаков ахаҳә аашьҭихын, баҟаҵас иргылеит. 46 Уи ашьҭахь Иаков иашьцәа ахаҳәқәа еидышәкыл ҳәа реиҳәеит, даргьы ахаҳәқәа ааизырган, џьарак еиқәырҵеит. Нас урҭ ахаҳәқәа ирыватәаны акрырфеит. 47 Лава́н уи аҭыԥ Иега́р-Сагаду́та* ахьӡиҵеит, Иаков — Галаа́д* ахьӡиҵеит.
48 Лава́н иҳәеит: «Абарҭ еиқәжьу ахаҳәқәа иахьа уареи сареи аиқәшаҳаҭра шҳабжьаҳҵаз дыршаҳаҭуеит». Убри азоуп Иаков уи аҭыԥ Галаа́д, 49 насгьы Ми́цпа* захьӡиҵаз, избанзар Лава́н иҳәеит: «Ҳанеиԥырҵлак ашьҭахь, Иегова уаргьы дуцклаԥшлааит, саргьы дсыцклаԥшлааит. 50 Сыԥҳацәа ииашамкәа урызныҟәо уалагар, насгьы еиҭа аҳәса угар, иудыруазааит, уи ауаа ирымбаргьы, уареи сареи ҳабжьара шаҳаҭс иҟоу Анцәа ишибо». 51 Лава́н иациҵеит: «Абар еиқәыжьу ахаҳәқәеи уареи сареи ҳабжьара исыргылаз абаҟеи. 52 Абарҭ ахаҳәқәеи абри абаҟеи шаҳаҭра рулоит ацәгьа узызурц азы абарҭ ахаҳәқәа сшырхымсуа, уаргьы ацәгьа сзуурц азы абарҭ ахаҳәқәеи абри абаҟеи ушырхымсуа. 53 Авраам Инцәеи, Нахо́р Инцәеи, урҭ раб Инцәеи ҳаибааит». Иаковгьы Иаб Исаак дзыцәшәоз Анцәа ила дқәит*.
54 Нас Иаков уи ашьхаҿы Анцәа акәырбан изнеиган, иашьцәеи иареи акреицырфарц иааиԥхьеит. Даргьы акрырфан, аҵх уи ашьхаҿы ирхыргеит. 55 Лава́н ашьыжь шаанӡа дгылан, имоҭацәеи иԥҳацәеи ааигәӡын, дрықәныҳәаны иҩныҟа амҩа дықәлеит.
32 Иаков имҩа иациҵеит. Амҩан Анцәа имаалықьцәа иԥылеит. 2 Иаков урҭ аниба, ус иҳәеит: «Ари Анцәа илагер ауп!» Убри аҟынтә уи аҭыԥ Маханаи́м* ахьӡиҵеит.
3 Нас Иаков Едо́м ҳәа изышьҭоу Сеи́р адгьыл аҿы инхоз иашьа Иса́в иахь иара днеиаанӡа иаԥхьа ауаа ишьҭит, 4 иагьреиҳәеит: «Сыԥшәма Иса́в абас сызиашәҳәа: „Умаҵуҩы Иаков иҳәоит: ‚Сара акыраамҭа Лава́н иҿы сынхон*. 5 Сара исоуит ацәқәеи, аҽадақәеи, ауасақәеи, сымаҵ зуа ахацәеи аҳәсеи. Сара исықәиҭу уи зиасҳәо дысзыразхар сҭахуп азоуп‘“».
6 Ԥыҭрак ашьҭахь Иаков иишьҭыз ауаа хынҳәын, ус иарҳәеит: «Ҳара уашьа Иса́в иҿы ҳаҟан. Иара уажәы 400-ҩык ауаа ицны, уара уахь амҩа дықәуп». 7 Иаков даараӡа дшәеит, агәҭынчымрагьы изцәырҵит. Иара ицыз ауаа, иара убас арахә-ашәахәи, аԥсасеи, амахҽқәеи ҩ-лагеркны ишеит. 8 Иара иҳәеит: «Иса́в лагерк дақәлар, егьи еиқәхап».
9 Уи ашьҭахь Иаков иҳәеит: «О саб Авраам Инцәа, саб Исаак Инцәа, о Иегова, уара абас сазҳәо: „Ухынҳәы удгьыл ахь, ууацәа рахь, сара суцзаауеит!“ 10 Уара сара сахь, умаҵуҩы иахь, гәыбылрала иҭәу абзиабара ааурԥшит, исоуҳәаз зегь наугӡеит, сара уи зегь сшаԥсамызгьы. Иордан санырыз, исымаз алабашьа заҵәык акәын, уажәы ҩ-лагерк сымоуп. 11 Суҳәоит, сашьа Иса́в сицәыхьча. Иара дааны дсықәлар ҳәа сшәоит, сшәоит анацәеи ахәыҷқәеи дрықәлар ҳәа. 12 Уара иумҳәахьази: „Сара сузылԥхоит, иухылҵуагьы сыррацәоит, амшын аҟәара иқәу аԥслымӡ шузымԥхьаӡо еиԥш, иухылҵуагьы убас иузыԥхьаӡаӡом“».
13 Иаков ауха уа даангылеит. Нас имаз аҟынтә иашьа Иса́в изы ҳамҭас еидикылеит: 14 аџьмақәа — 200, абаӷьқәа — 20, ауасақәа — 200, аҭыӷьқәа — 20, 15 ахш зымҵуаз амахҽқәа — 30, ажәқәа — 40, ацәқәа — 10, аҽадақәа — 20, аҽадабаӷьқәа — 10.
16 Иаков арахә гәыԥ-гәыԥла ишаны имаҵуцәа ириҭан, ус реиҳәеит: «Саԥхьа шәгыланы шәцала, аха шәеишьҭагыланы шәымцалан, шәыбжьара ԥыҭк бжьазааит». 17 Иара аԥхьа ицоз имаҵуҩы ус иеиҳәеит: «Сашьа Иса́в дуԥылар, насгьы „дызусҭада уԥшәма? Уабацо? Изтәыда ари арахә?“ ҳәа дуазҵаар, 18 убас иаҳә: „Сара умаҵуҩы Иаков ситәуп. Ари аҳамҭа иара, Иса́в, ухаҵкы, уара иузааишьҭит, ихаҭагьы амҩа дықәуп, ҳашьҭахь дааиуеит“». 19 Иаков егьи имаҵуҩгьы, ахԥатәи имаҵуҩгьы, иара убас ирахә ирыцыз имаҵуцәа зегьы ус реиҳәеит: «Иса́в даныжәбалак, шәаргьы убасҵәҟьа иашәҳәа. 20 Иара убас: „Умаҵуҩы Иаков ҳашьҭахь дааиуеит“, — ҳәа иашәҳәа», избанзар иара гәаныла ус иҳәеит: «Аҳамҭақәа рыла игәы ҟасҵап, издыруада ҳанеибабалак, ибзианы сидикылар». 21 Убас аҳамҭақәа ишьҭын, ихаҭа алагер аҿы даангылеит.
22 Уи ауха Иаков ҵхыбжьон дҩагылан, ҩыџьа иҳәсеи, ҩыџьа имаҵуҩцәеи, жәеизаҩык иԥацәеи иманы, Иаво́к дырит. 23 Иара урҭ аӡы иригеит, иара убас имаз зегь ӡхигеит.
24 Иаков ихала данаанха, аӡә даацәырҵын диақәԥо далагеит, шаанӡагьы диақәԥон. 25 Иара Иаков дизымиааиуашәа аниба, иуаҭәа* далакьысын, иҭирԥеит. 26 Усҟан иара Иаков ус иеиҳәеит: «Соушьҭ, избанзар шьҭа ашара иалагоит». Аха Иаков иҳәеит: «Мамоу, усзылԥхаанӡа уоусышьҭӡом». 27 Иара: «Иухьӡуи?» — ҳәа дҵааит. — «Иаков», — иҳәеит егьи. 28 Иара иҳәеит: «Уажәшьҭа уара Иаков акәымкәа Израиль* ухьӡхоит, избанзар Анцәа уиақәԥон, ауаагьы урақәԥон, аиааирагьы угеит». 29 Иаков иҳәеит: «Уара иухьӡуи?» Аха иара иҳәеит: «Сыхьӡ узазҵаауеи?» Нас иара Иаков дизылԥхеит. 30 Иаков уи аҭыԥ Пенуе́л* ахьӡиҵеит, избанзар иара иҳәеит: «Сара Анцәа лабҿаба дызбеит, аха сыԥсы ҭаны саанхеит».
31 Иара Пенуе́л далсны данцоз амра гылахьан. Иаков дцыркьуан, избанзар иуаҭәа ҭԥаны иҟан. 32 Израильаа уажәгьы ауаҭәа иамоу адаш рфаӡом, избанзар уи ауаҩ Иаков иуаҭәа аҟәартәра далакьысын, адаш ԥиҵәеит.
33 Иаков ибеит Иса́в 400-ҩык ауаа ицны дшааиуаз. Усҟан иара Лиеи, Рахильи, маҵуцәас ирымаз ҩыџьа аҳәсеи рыбжьара ахәыҷқәа ишеит. 2 Аԥхьа амаҵуцәа рхәыҷқәеи дареи иргылеит, нас — Лиа лхәыҷқәеи лареи, урҭ рышьҭахь — Рахильи Иосифи. 3 Ихаҭа раԥхьа дгыланы иҿынеихеит. Иашьа дизааигәахаанӡа, бжьынтә дшьамхышгыланы диеихырхәеит.
4 Иса́в дыҩны Иаков диԥылан, дигәыдиҳәҳәалан, дигәӡит. Нас рҩыџьагьы амхаҵәыуеит. 5 Иса́в аҳәсеи ахәыҷқәеи аниба, изусҭцәада иуцу ҳәа дҵааит. Иаков иҳәеит: «Анцәа агәыҭбаара аарԥшны умаҵуҩы ииҭаз ахәыҷқәа роуп». 6 Усҟан маҵуцәас ирымаз ҩыџьа аҳәса рхәыҷқәеи дареи неин, Иса́в иеихырхәеит, 7 нас Лиа лхәыҷқәеи лареи иеихырхәеит, аҵыхәтәаны Иосифи Рахильи неин, иеихырхәеит.
8 Иса́в иҳәеит: «Исԥылаз ауаа арахә-ашәахә рыцҵаны изааушьҭи?» Иаков иҳәеит: «Ухаҵкы, уи зыҟасҵаз, усзыразхарц азоуп». 9 Усҟан Иса́в иҳәеит: «Сашьа, сара зегь сымоуп. Уара иутәу уара иумазааит». 10 Аха Иаков иҳәеит: «Мап. Суҳәоит, пату сықәуҵозар, иусҭаз аҳамҭақәа удкыл, урҭ аҳамҭақәа зыҟасҵаз узбарц азоуп. Уанызбагьы, Анцәа дызбазшәа сгәы ҟалеит, избанзар угәырӷьаҵәа усԥылеит. 11 Суҳәоит, абарҭ аҳамҭақәа удкыл, Анцәа гәыҭбаарала зегь сиҭеит, зегь сымоуп». Иаков Иса́в убриаҟара диҳәеит, Иса́в аҳамҭақәа имгар ада ԥсыхәа имоуит.
12 Нас Иса́в иҳәеит: «Уааи амҩа ҳақәлап, сара уаԥхьа сгыланы сцалоит». 13 Аха Иаков ус иеиҳәеит: «Сыԥшәма идыруеит ахәыҷқәа шсыцу, иара убас исхьо ауасақәеи ажәқәеи шсымоу. Урҭ ҽнак иадамзаргьы ирласны икасцар, зегь ԥсыр рылшоит. 14 Суҳәоит, ухаҵкы, умаҵуҩы иаԥхьа угыланы уцала, сара смыццакӡакәа схәыҷқәеи сырахәи шцо еиԥш сцалоит, сыԥшәма дахьынхо Сеи́рҟа снеиаанӡа. 15 Усҟан Иса́в иҳәеит: «Исыцу ауаа рҟынтә аӡә дузаансыжьып». Аха Иаков иҳәеит: «Мамоу, иаҭахӡам. Уразра сымаз, уаҳа кыр сҭахума, уи сызхоит». 16 Уи аҽны Иса́в дхынҳәны Сеи́рҟа дцеит.
17 Иаков иакәзар, Сукко́тҟа иҿынеихеит, уа ихазы аҩны иргылеит, ирахә рзгьы аҭра ҟаиҵеит. Убри аҟынтә уи аҭыԥ Сукко́т* ахьӡиҵеит.
18 Иаков Падда́н-Ара́мынтәи даныхынҳә, Ханаа́н иҟоу Шехе́мынӡа днеин, уи ақалақь азааигәара даангылеит. 19 Уи ашьҭахь иара Шехе́м иаб Хамо́р иԥацәа рҿы 100 кеси́так* ҳәа адгьыл ааихәан, иқьала иргылеит. 20 Уа иара акәырбаннагарҭа иргылан, «Анцәа — Израиль Инцәа» ахьӡиҵеит.
34 Иакови Лиеи рыԥҳа Дина уи адгьыл аҿы инхоз аӡӷабцәа лассы-лассы аамҭа рыцылхылгон. 2 Уи адгьыл иахагылаз ахиве́и Хамо́р иԥа Шехе́м Дина даниба, диган, амш лылигеит. 3 Шехе́м Иаков иԥҳа Дина иԥсы лылахеит, бзиа дибан, жәа хаала дхихырц дашьҭалеит. 4 Уаҳа ианамуӡа, Шехе́м иаб Хамо́р ус иеиҳәеит: «Абри аӡӷаб дсыццарц азы ак ҟаҵа».
5 Иаков Шехе́м Дина лцәа шԥиҽыз аниаҳаз аамҭазы иҷкәынцәа рырахә-рышәахә ахьҳәуаз ирыцын. Убри аҟынтә урҭ хынҳәаанӡа акгьы имҳәарц иӡбеит. 6 Ԥыҭрак ашьҭахь Шехе́м иаб Хамо́р Иаков диацәажәарц азы дизнеит. 7 Иаков иԥацәа иҟалаз анраҳа, иаразнак ихынҳәит. Дара иҟалаз хьымӡӷыршьан, рыԥсахы еибакит, избанзар Шехе́м Израиль ахьымӡӷ ииргеит: иара Иаков иԥҳа Дина амш лылганы, ацәгьара ҟаиҵеит.
8 Хамо́р ус реиҳәеит: «Сыҷкәын Шехе́м шәыԥҳа бзиа дибеит. Сшәыҳәоит ԥҳәысс дишәҭа. 9 Шәааи аиуара ҳабжьаҳҵап, шәыԥҳацәа ԥҳәысс иҳашәҭала, ҳаԥҳацәагьы ԥҳәысс ижәгала. 10 Ҳара шәҳацынхала, ҳадгьыл зегьы шәнапаҿы иҟоуп. Ара шәынхала, шәусқәа ҟашәҵала, шәынха-шәынҵы». 11 Нас Шехе́м Дина лаби лашьцәеи ус реиҳәеит: «Сызшәыҳәо ҟашәҵар, ишәҭаху зегь шәысҭоит. 12 Аҭаца лзы шаҟа шәҳәозаалакгьы ишәысҭоит*, зегь реиҳа зыхә ҳараку аҳамҭагьы шәысҭоит. Ишәҭаху зегь шәысҭоит, амала абри аӡӷаб ԥҳәысс дсышәҭ».
13 Иаков иԥацәа Шехе́ми иаб Хамо́ри аҭак анрырҭоз иржьеит, избанзар Шехе́м раҳәшьа Дина лцәа ԥиҽит. 14 Дара урҭ ус рарҳәеит: «Ҳара уи аҩыза ҳзыҟаҵаӡом, ҳаҳәшьа заԥхьатә хсам ауаҩы дҳазиҭаӡом, избан акәзар уи ҳара ҳзы ихьымӡӷуп. 15 Ҳара уи ҳақәшаҳаҭхоит, шәара шәҿы ахацәа зегьы раԥхьатә хсаны, ҳара шәҳаиԥшхозар. 16 Убасҟан ҳаԥҳацәа шәаҳҭалоит, шәара шәтәқәагьы ԥҳәысс иаҳгалоит, ҳаицынхалоит, жәларык реиԥшгьы ҳҟалоит. 17 Аха шәаҳзымӡырҩыр, шәаԥхьатә хышәымсар, ҳаҳәшьа* дҳаманы ҳцоит».
18 Хамо́ри Шехе́ми ираҳаз ргәаԥхеит. 19 Аҷкәын аамҭа мгакәа ирҳәаз анагӡара иҽазикит, избанзар Иаков иԥҳа даара дигәаԥхон. Иара иакәзар, зегь раасҭа пату зқәыз иакәын иаб иҩнаҭаҿы.
20 Хамо́ри Шехе́ми ақалақь агәашә ахь иаан, ақалақь аҿы инхоз ауаа ус рарҳәеит: 21 «Арҭ ауаа ибзианы иаҳзыҟоуп, инхалааит ари адгьыл аҿы, русқәагьы ҟарҵалааит, адгьыл даргьы ирызхоит. Дара рыӡӷабцәа ԥҳәысс иаҳгалар алшоит, ҳаӡӷабцәагьы дара ираҳҭалоит. 22 Аха дара жәларык реиԥш ҳҟаларц азы ҳацынхара иақәшаҳаҭхоит, дара рҿы ишаԥу еиԥш ҳара ҳҿгьы ахацәа зегьы раԥхьатә хырсозар. 23 Усҟан рмазареи, рмали, рырахә-рышәахәи ҳара иаҳтәымхаӡои? Шәааи иҳацынхаларц ҳшақәшаҳаҭу раҳҳәап». 24 Ақалақь агәашә аҿы еизаз зегьы Хамо́ри Шехе́ми ирҳәаз иазыӡырҩит, ахацәа зегьы — ақалақь агәашә аҿы еизаз зегьы — раԥхьатә хырсеит.
25 Ахымш раан, урҭ ахьаақәа рыманаҵы, ҩыџьа Иаков иҷкәынцәа, Дина лашьцәа Симеони Ле́вии, аҳәақәа аашьҭырхын, ақалақь аҿы инхоз ауаа рыхгьы-рыгәгьы ианҭамыз аамҭазы ақалақь иалалан, ахацәа зегьы ршьит. 26 Дара аҳәала Хамо́ри Шехе́ми ршьын, Дина Шехе́м иҩны даадәылырган, дрыманы ицеит. 27 Егьырҭ Иаков иԥацәа ааны ианырба ахацәа зегьы шьны ишкажьыз, ақалақь дырҳәит, раҳәшьа лцәа ахьԥырҽыз азы. 28 Дара аԥсасеи, ашьамаҟеи, аҽадақәеи ргеит, ақалақь аҿи адәаҿи иҟаз зегь ргеит. 29 Дара урҭ рмазара зегь ргеит, итҟәаны иргеит ахәыҷқәеи аҳәсеи, аҩнқәа зегьы дырҳәит.
30 Иаков Симеони Ле́вии ус реиҳәеит: «Арыцҳара сақәшәыршәеит, ари адгьыл иқәынхо ауаа, ханаа́нааи ферезе́иааи, сырцәымыӷхартә иҟашәҵеит. Сара ауаа маҷны исымоуп. Дара рҽааизганы исықәлар, саргьы сықәырхуеит, сыҩнаҭа иатәугьы ықәырхуеит». 31 Дара ирҳәеит: «Ҳаҳәшьа акаҳԥ леиԥш улызныҟәар ҟалома?»
35 Уи ашьҭахь Анцәа Иаков ус иеиҳәеит: «Вефи́льҟа уцаны, убра анхара уалага. Убраҟа уашьа Иса́в уицәыбналаны уанцоз, иузцәырҵыз Анцәа ду изы акәырбаннагарҭа ҟаҵа».
2 Усҟан Иаков иҩнаҭа иатәызи ицызи ус реиҳәеит: «Атәымнцәақәа ҳәа акыр шәымазар, иқәыжәга, шәҽышәрыцқьа, шәымаҭәа шәыԥсах. 3 Нас Вефи́льҟа ҳцоит. Уа сара арыцҳара санақәшәаз аҽны сыҳәара заҳаз, сахьцалакгьы исыцыз Анцәа ду изы акәырбаннагарҭа сыргылоит». 4 Дара Иаков ирымаз атәымнцәахәқәа зегьы ирҭеит, рлымҳареиқәагьы рлымҳа иамхны ирҭеит, иара урҭ Шехе́м азааигәара аҵла ду ашьапаҿы ижит.
5 Амҩа ианықәлоз, Анцәа ааигәа-сигәа иҟаз ақалақьқәа рҿы инхоз ауаа ашәара ӷәӷәа рызцәыригеит, убри аҟынтә дара Иаков иԥацәа ирышьҭамлаӡеит. 6 Убас Иаков ицыз ауаа иманы Ханаа́н иҟаз Луз днеит, даҽакала иуҳәозар, Вефи́ль. 7 Уа иара акәырбаннагарҭа иргылан, уи аҭыԥ Ел-Вефи́ль* ахьӡиҵеит, избанзар убраҟа ауп иашьа дицәыбналаны данцоз Анцәа ду дахьизцәырҵыз. 8 Аамҭак ашьҭахь Реве́кка гәыԥҳәыхшла дзааӡоз лмаҵуҩԥҳәыс Дево́ра дыԥсит. Лара Вефи́ль иҟаз ахәы ашьапаҿы аџь аҵаҟа анышә дарҭеит. Убри аҟынтә Иаков уи аџь Алло́н-Баку́т* ахьӡиҵеит.
9 Иаков Падда́н-Ара́мынтәи данаауаз, Анцәа еиҭа дизцәырҵын дизылԥхеит. 10 Анцәа ус иеиҳәеит: «Уара Иаков ухьӡуп. Уажәшьҭа Иаков акәымкәа, Израиль ухьӡхоит». Убас иара Израиль ихьӡиҵеит. 11 Анцәа анаҩс иҳәеит: «Сара Зегьзымчу Анцәа соуп. Сара иухылҵуа сыррацәоит, ажәларқәа ухылҵуеит, ажәлар рацәа, аҳцәагьы ухылҵуеит. 12 Авраами Исааки ирысҭаз адгьыл иухылҵуеи уареи ишәысҭоит». 13 Нас Анцәа Иаков диԥырҵны дцеит.
14 Иаков Анцәа дахьиацәажәоз хаҳәла абаҟа ҟаиҵан, аҩи ахәшеи ақәиҭәеит. 15 Иаков Анцәа дахьиацәажәоз уи аҭыԥ анаҩсгьы Вефи́ль ҳәа дашьҭан.
16 Нас дара Вефи́льынтәи ицеит. Ефра́фанӡа акыр шыбжьаз Рахиль ахшараиура далагеит, даараӡагьы дгәаҟит. 17 Дгәаҟуа ахшараиура данаҿыз аамҭазы илыцхраауаз аԥҳәыс ус лҳәеит: «Бымшәан, даҽа ԥак дбоуеит». 18 Рахиль лыԥсҭазаара анҿыцәаауаз, аԥсхыхра данаҿыз аамҭазы, лыҷкәын Бен-О́ни* ихьӡылҵеит, аха иаб Вениамин* ихьӡиҵеит. 19 Рахиль данԥсы, Ефра́фаҟа, даҽакала иуҳәозар, Вифлеемҟа ицоз амҩаҿы анышә дарҭеит. 20 Иаков Рахиль дахьижыз аҭыԥ аҿы ахаҳә шьҭеиҵеит, уи ахаҳә Рахиль дахьжу аҭыԥ аҿы иахьа уажәраанӡа иҟоуп.
21 Уи ашьҭахь Израиль имҩа иациҵан, абааш Еде́р анаҩс иқьала иргылеит. 22 Израиль уи адгьыл аҿы данынхоз, Руви́м иаб Ва́лла зыхьӡыз иҳәса руаӡәк длыцышьҭалеит. Израиль уи еиликааит.
Иаков 12-ҩык аԥацәа иман. 23 Лиа лԥацәа: Иаков иԥеиҳаб Руви́м, нас Симеон, Ле́ви, Иуда, Иссаха́р, Завуло́н. 24 Рахиль лԥацәа: Иосиф, Вениамин. 25 Рахиль лмаҵуҩԥҳәыс Ва́лла лԥацәа: Дан, Неффали́м. 26 Лиа лмаҵуҩԥҳәыс Зе́лфа лԥацәа: Гад, Аси́р. Арҭ Иаков Падда́н-Ара́м иоуз иԥацәа роуп.
27 Убас Иаков уаанӡа Авраами Исааки ахьынхоз Кириа́т-Арба́, даҽакала иуҳәозар, Хевро́н азааигәара иҟаз Ма́мре инхоз иаб Исаак иахь дааит. 28 Исаак 180 шықәса ниҵит. 29 Иара ақәра ду ниҵит, иԥсҭазаара гәахәарала иҭәын, нас ижәлар иҽрыдикылеит*. Нас иԥацәа Иса́ви Иакови анышә дарҭеит.
36 Абар Иса́в, даҽакала иуҳәозар, Едо́м, ихылҵқәаз.
2 Иса́в Ханаа́н иатәыз абарҭ аҳәсақәа игеит: ахе́тт Ело́н иԥҳа А́деи ахиве́и Цивео́н имоҭа, А́на иԥҳа Оливе́меи, 3 Наваио́ф иаҳәшьа, Измаил иԥҳа Басема́ти.
4 А́да Иса́в иҟынтә Елифа́з длоуит, Басема́т Рагуи́л длоуит,
5 Оливе́ма илоуит Иеу́ш, Иала́м, Коре́и.
Арҭ Иса́в Ханаа́н иоуз иԥацәа роуп. 6 Нас Иса́в иҳәсеи, иԥацәеи, иԥҳацәеи, иҩнаҭа иатәызи, ирахә-ишәахәи, егьырҭ аԥстәқәеи, Ханаа́н еидикылаз имазара зегьы аашьҭихын, иашьа Иаков иҟынтә даҽа дгьылк ахь дцеит. 7 Дара уаҳа изеицынхаӡомызт, избанзар рмазара мыцхәы идухеит. Рырахә-рышәахә рацәахеит азы, иахьынхоз адгьыл рзымхо иалагеит*. 8 Иса́в Сеи́р ашьхақәа рҿы анхара далагеит. Иса́в иара убас Едо́м ихьӡын.
9 Абар Сеи́р ашьхақәа рҿы инхақәоз едо́маа раб Иса́в ихылҵқәаз.
10 Абар Иса́в иԥацәа ирыхьӡыз: Иса́в иԥҳәыс А́да лԥа Елифа́з; Иса́в иԥҳәыс Басема́т лԥа Рагуи́л.
11 Елифа́з иԥацәа: Тема́н, Ома́р, Це́фо, Гата́м, Кена́з. 12 Ти́мна Иса́в иԥа Елифа́з иҳәса руаӡәк лакәын. Лара Елифа́з иҟынтә Амали́к длоуит. Арҭ Иса́в иԥҳәыс А́да лԥацәа роуп.
13 Рагуи́л иԥацәа: Наха́т, Зера́х, Ша́мма, Ми́за. Арҭ Иса́в иԥҳәыс Басема́т лԥацәа роуп.
14 Абар Иса́в иԥҳәыс Оливе́ма, А́на иԥҳа, Цивео́н имоҭа, Иса́в иҟынтә илхылҵқәаз: Иеу́ш, Иала́м, Коре́и.
15 Абар Иса́в ихылҵқәаз абиԥарақәа рхадацәа: Иса́в иԥеиҳаб Елифа́з иԥацәа: Тема́н, Ома́р, Це́фо, Кена́з, 16 Коре́и, Гата́м, Амали́к. Арҭ Едо́м адгьыл аҿы Елифа́з ихылҵқәаз абиԥарақәа рхадацәа роуп. Арҭ А́да лԥацәа роуп.
17 Иса́в иԥа Рагуи́л иԥацәа: Наха́т, Зера́х, Ша́мма, Ми́за. Арҭ Едо́м адгьыл аҿы Рагуи́л ихылҵқәаз абиԥарақәа рхадацәа роуп. Арҭ Иса́в иԥҳәыс Басема́т лԥацәа роуп.
18 Иса́в иԥҳәыс Оливе́ма лԥацәа: Иеу́ш, Иала́м, Коре́и. Арҭ Иса́в иԥҳәыс, А́на иԥҳа Оливе́ма илхылҵқәаз абиԥарақәа рхадацәа роуп.
19 Арҭ Иса́в, даҽакала иуҳәозар, Едо́м, иԥацәа роуп, ихылҵқәаз абиԥарақәа рхадацәа.
20 Абар уи адгьыл аҿы инхақәоз ахорре́и Сеи́р иԥацәа: Лота́н, Шова́л, Цивео́н, А́на, 21 Дишо́н, Еце́р, Диша́н. Арҭ едомтәи адгьыл аҿы инхақәоз Сеи́р иԥацәа, хорре́иаа, рабиԥарақәа рхадацәа роуп.
22 Лота́н иԥацәа: Хо́ри, Гема́н; Ти́мна Лота́н иаҳәшьа лакәын.
23 Шова́л иԥацәа: Алва́н, Манаха́т, Гева́л, Ше́фо, Она́м.
24 Цивео́н иԥацәа: А́иа, А́на. Ари А́на ацәҳәыраҿы аӡырԥха ахьыҵыҵуаз зыԥшааз иоуп. Усҟан иара иаб Цивео́н иҽадақәа дрыцын.
25 А́на ихәыҷқәа: иԥа Дишо́н, иԥҳа Оливе́ма.
26 Дишо́н иԥацәа: Хемда́н, Ешба́н, Ифра́н, Хера́н.
27 Еце́р иԥацәа: Билга́н, Заава́н, Ака́н.
28 Диша́н иԥацәа: Уц, Ара́н.
29 Абар хорре́иаа рабиԥарақәа рхадацәа: Лота́н, Шова́л, Цивео́н, А́на, 30 Дишо́н, Еце́р, Диша́н. Арҭ Сеи́р адгьыл аҿы инхоз хорре́иаа рабиԥарақәа рхадацәа роуп.
31 Абар едомтәи адгьыл аҿы иҟаз аҳцәа. Уи аамҭазы израильаа аҳцәа рмоуӡацызт. 32 Едо́м аҳас дыҟан Бео́р иԥа Бе́ла, иқалақь Динха́ва ахьӡын. 33 Бе́ла данԥсы, ихаҭыԥан Бо́цра иатәыз Зера́х иԥа Иова́в аҳас дҟалеит. 34 Иова́в данԥсы, ихаҭыԥан тема́наа рыдгьыл иатәыз Хуша́м аҳас дҟалеит. 35 Хуша́м данԥсы, ихаҭыԥан моавтәи адгьыл аҿы мадиа́наа ириааиз Беда́д иԥа Хада́д аҳас дҟалеит, иқалақь Ави́т ахьӡын. 36 Хада́д данԥсы, ихаҭыԥан Масре́ка иатәыз Са́мла аҳас дҟалеит. 37 Са́мла данԥсы, ихаҭыԥан аӡиас азааигәара иҟаз Рехово́т иатәыз Сау́л аҳас дҟалеит. 38 Сау́л данԥсы, ихаҭыԥан Ахбо́р иԥа Ваа́л-Хана́н аҳас дҟалеит. 39 Ахбо́р иԥа Ваа́л-Хана́н данԥсы, ихаҭыԥан Хада́р аҳас дҟалеит. Иара иқалақь Па́у ахьӡын, иԥҳәыс Мегетаве́ль лыхьӡын. Лара Матре́д диԥҳан, Мезага́в имоҭа лакәын.
40 Абар Иса́в ихылҵқәаз рабиԥарақәа рхадацәа рҭаацәарақәеи иахьынхоз аҭыԥқәеи рыла: Ти́мна, А́лва, Иете́ф, 41 Оливе́ма, Е́ла, Пино́н, 42 Кена́з, Тема́н, Мивца́р, 43 Магдии́л, Ира́м. Арҭ едо́маа рабиԥарақәа рхадацәа роуп, дара иртәыз адгьыл аҿы иахьынхоз аҭыԥқәа рыла. Арҭ едо́маа раб Иса́в ихылҵқәаз роуп.
37 Иаков уаанӡа зны иаб дахьынхоз Ханаа́н дшынхац дынхон*.
2 Абар Иаков иҭоурых.
Иосиф 17 шықәса анихыҵуаз, иаб иҳәсақәа Ва́леи Зе́лфеи рԥацәа дрыцны аԥсаса ихьчон. Иосиф иаб иеиҳәеит иашьцәа рхымҩаԥгашьа шҽеимыз. 3 Израиль егьырҭ иԥацәа раасҭа Иосиф еиҳа бзиа дибон, избан акәзар Иосиф даниуаз Израиль иқәрахь днеихьан. Иара Иосиф иԥшӡаз, иауз амаҭәа изыҟаиҵеит. 4 Иашьцәа раб Иосиф еиҳа бзиа дшибоз анырба, дырцәымыӷхеит, ҭынчгьы изиацәажәаӡомызт.
5 Ҽнак зны Иосиф аԥхыӡ ибеит. Уи иашьцәа ианырзеиҭеиҳәа, еиҳагьы дырцәымыӷхеит. 6 Иосиф урҭ ус реиҳәеит: «Избаз аԥхыӡ шәзеиҭасҳәоит, шәысзыӡырҩы. 7 Ҳара амхаҿы ачарыц еидкыланы иҿаҳҳәон. Ус иаалырҟьаны сҿаҳәара аҽышьҭнахын, ииашаӡа игылеит. Шәара шәҿаҳәарақәа сҿаҳәара иаакәшан, иеихырхәеит». 8 Иашьцәа ус иарҳәеит: «Иуҳәарц иуҭаху аҳас уаҳхагыланы уҳақәиҭхоит ҳәа аума?» Убасҟан дара Иосиф иԥхыӡи иажәақәеи рзы еиҳагьы дырцәымыӷхеит.
9 Уи ашьҭахь Иосиф даҽа ԥхыӡк ибеит. Уигьы иашьцәа ирзеиҭеиҳәеит: «Сара даҽа ԥхыӡк збеит: сара исеихырхәеит амреи, амзеи, 11 еҵәеи». 10 Нас уи аԥхыӡ иашьцәа ишраҳауаз иаб изеиҭеиҳәеит. Иаб игәамԥхакәа ус иҳәеит: «Иаанагои ари аԥхыӡ? Иуҳәарц иуҭаху уани, сареи, уашьцәеи ҳнеины, ҳшьамхышгыланы ҳуеихырхәоит ҳәа аума?» 11 Иосиф иашьцәа иҵашьыцуа иалагеит, иаб иакәзар, Иосиф ииҳәаз ажәақәа гәникылеит.
12 Ҽнак зны Иосиф иашьцәа Шехе́м азааигәара иҟаз аҭыԥқәа рахь ицеит, раб иԥсаса дырҳәырц азы. 13 Ԥыҭрак ашьҭахь Израиль Иосиф ус иеиҳәеит: «Ишудыруа еиԥш, уашьцәа Шехе́м азааигәара аԥсаса дырҳәуеит. Дара рахь усышьҭыр сҭахуп». — «Сымцои!» — иҳәеит Иосиф. 14 Израиль Иосиф ус иеиҳәеит: «Суҳәоит, уцаны уашьцәа шыҟоу еилкаа, аԥсасагьы шыҟоу гәаҭ, нас уааны исзеиҭаҳәа». Абас наиаҳәаны, арха Хевро́н аҟынтә ддәықәиҵеит. Иосифгьы Шехе́мҟа ихы рханы иҿынеихеит. 15 Ԥыҭрак ашьҭахь адәы дықәланы дышнеиуаз аӡә диқәшәеит. «Узышьҭои?» — ҳәа диазҵааит иара Иосиф. 16 Иосиф иҳәеит: «Сашьцәа срышьҭоуп. Урҭ аԥсаса ахьдырҳәуа удыруазар?» 17 Иара иҳәеит: «Урҭ арантәи ицеит. Сара исаҳауан Дота́нҟа ҳцап ҳәа шырҳәоз». Усҟан Иосиф иашьцәа дрышьҭаланы дцан, Дота́н иԥшааит.
18 Иашьцәа харантәи ирбеит иара дара рахь анеира дшаҿыз. Дара рҿынӡа днаӡаанӡа, рашьа дыршьырц рыӡбеит. 19 «Аԥхыӡбаҩ дахьаауа жәбо? — еибырҳәеит дара. — 20 Шәааи дышьны ажра* дҭаҳажьып, нас агыгшәыг дафеит ҳәа ҳҳәап. Убасҟан иҳамбари иԥхыӡқәа шынаӡо». 21 Руви́м уи аниаҳа, Иосиф деиқәирхарц иҽазикын, ус иҳәеит: «Шәааи дҳамшьып». 22 Иара иҳәеит: «Ашьа кашәымҭәан. Абра, ацәҳәыраҿы, абри ажра дҭашәыжь, амала дшәымшьын». Руви́м Иосиф деиқәырханы иаб дизирхынҳәырц иҭахын.
23 Иосиф иашьцәа рахь даннеи, дара ишәыз амаҭәа ԥшӡа иахан ишәырҳәеит, 24 нас ажра дҭарыжьит. Уи аамҭазы ажра ҭацәын, аӡы ҭаӡамызт.
25 Уи ашьҭахь акрыфара ҳәа итәеит. Убасҟан дара ирбеит Галаа́дынтәи иаауаз гәыԥҩык измаи́лаа. Урҭ рмахҽқәа Египетҟа иргоз ала́дан аҷаби, абальзами*, аҷаб змаз аҵлацәеи рықәын. 26 Усҟан Иуда иашьцәа ус реиҳәеит: «Ҳашьа дышьны даҳҵәахыр иаҳнаҭои? 27 Шәааи измаилаа драаҳархәап, дҳамшьып, избанзар ҳцәа-ҳжьы, ҳшьа иалҵыз ҳашьа иоуп». Даргьы рашьа изыӡырҩит. 28 Мадиа́н иатәыз ахәаахәҭыҩцәа ииасны ианцоз, Иосиф иашьцәа ажра дҭырган, 20 шеке́ль* араӡны ҳәа измаилаа драадырхәеит. Урҭ Иосиф Египетҟа дыргеит.
29 Ԥыҭрак ашьҭахь Руви́м ажрахь даныхынҳә, Иосиф уа дшыҟам ибан, имаҭәа ишәхаԥижәеит. 30 Иашьцәа рахь даныхынҳә, дӷьаҵәыӷьаҵәуа иҳәеит: «Аҷкәын дыҟаӡам! Шьҭа сабацари?»
31 Дара аџьма ршьын, Иосиф имаҭәа ашьа иларшьит. 32 Нас дара уи раб изырышьҭын, ус рҳәеит: «Уахәаԥш иҳаԥшааз. Ари уҷкәын имаҭәа акәӡами?» 33 Иара Иосиф имаҭәа идырын, дӷьаҵәыӷьаҵәуа ҿааиҭит: «Ари сыҷкәын имаҭәа ауп! Иосиф агыгшәыг ижәлан деимнажәжәеит!» 34 Иаков имаҭәа ишәхаԥижәеит. Иара аџьабарамаҭәа* иԥыраҳәаны, иҷкәын акырымш диҵәыуон. 35 Иҷкәынцәеи иӡӷабцәеи игәы дырҭынчырц иаҿын, аха иара иҽизеиқәкӡомызт. Иара иҳәон: «Анышә* ахь сцаанӡа сыҷкәын дысҵәыуалоит!» Абас ҳәо, иҷкәын диҵәыуон.
36 Мадиа́наа Иосиф Египет инхоз Потифа́р диаадырхәеит. Иара афараон иаҳҭынраҿы аҭыԥ ду аанызкылоз, афараон ируаа ирхагылаз чынуаҩын.
38 Убри аамҭазшәа Иуда иашьцәа аанижьын, Хи́ра зыхьӡыз Адулла́м иатәыз хаҵак иааигәара иқьала иргылеит. 2 Уа Иуда Шу́а зыхьӡыз аханане́и иԥҳа дибан, ԥҳәысс дигеит. 3 Иара уи длыцышьҭалан, лцәалтәымкәа дҟалеит, аԥагьы длоуит. Иара уи Ир ихьӡиҵеит. 4 Лара еиҭа лцәалтәымкәа дҟалан, аԥа длоуит, иагьихьӡылҵеит Она́н. 5 Нас лара еиҭа аԥа длоун, Ше́ла ихьӡылҵеит. Ше́ла данлоуз, Иуда Ахзи́в дыҟан.
6 Ԥыҭрак ашьҭахь Иуда иԥеиҳаб Ир ԥҳәыс дизааигеит. Уи Фама́рь лыхьӡын. 7 Аха Иуда иԥеиҳаб Ир Иегова игәы дахәаӡомызт, дуаҩы цәгьан, убри аҟынтә Иегова уи иԥсҭазаара имихит. 8 Усҟан Иуда Она́н ус иеиҳәеит: «Иԥсыз уашьа иԥҳәыс ԥҳәысс дганы, абхәында иуал нагӡа, ишьҭра иацуҵарц азы». 9 Аха Она́н идыруан ахәыҷы иара дшитәымхоз, убри аҟынтә иашьа иԥҳәыс данлыцышьҭалоз, аӷьаӡ адгьыл ахь икеиҭәон, иашьа ишьҭра иацимҵарц азы. 10 Она́н иҟаиҵоз Иегова иҿаԥхьа ииашаӡамызт, убри аҟынтә уигьы иԥсҭазаара имихит. 11 Усҟан Иуда иҭаца Фама́рь ус леиҳәеит: «Баб иҩнаҿы бынха, сыҷкәын Ше́ла изҳаанӡа хаҵа бымцан». Иара ус дхәыцит: «Уигьы иашьцәа реиԥш дыԥсыр алшоит». Убас Фама́рь лаб иҩнаҿы анхара далагеит.
12 Аамҭа анца, Иуда иԥҳәыс, Шу́а иԥҳа, дыԥсит. Аҵәыуара аамҭа анынҵәа, Иуда Адулла́м иатәыз иҩыза Хи́ра диманы, иуасақәа зырҟәыдуаз аусуцәа ахьыҟаз Ти́мнаҟа дцеит. 13 Фама́рь ус ларҳәеит: «Бабхәа Ти́мнаҟа ауасақәа рырҟәыдра дцоит». 14 Уи анлаҳа, аҳәсеибацәа рымаҭәа аалшәылхын, акасы налхалыршәын, лхы-лҿы ҵәахны, Ти́мнаҟа ицо амҩаҿы иҟоу Енаи́м аҭаларҭаҿы днатәеит. Лара илбон Ше́ла ишизҳаз, аха ԥҳәысс дирҭаӡомызт.
15 Иуда Фама́рь даниба, дкаҳԥыз џьишьеит, избанзар лхы-лҿы лҵәахит. 16 Амҩа дааныҵын, дналыдгылан ус леиҳәеит: «Сбыцышьҭалар ҟалома?» Иара издырӡомызт иҭаца шлакәыз. Лара дҵааит: «Исуҭои уи азы?» 17 Иара иҳәеит: «Сара сыԥсаса аҟынтә аӡыс бзаасышьҭуеит». Усҟан лара илҳәеит: «Уи шысзааушьҭуа ала уажәа шьақәзырӷәӷәо акыр сзаанужьуама?» — 18 «Ибзынсыжьри?» — дҵааит иара. Лара илҳәеит: «Амҳәыр змоу умацәази, ушашәеи, улабашьеи». Иуда уи зегь лиҭан, длыцышьҭалеит. Ларгьы лцәалтәымкәа дҟалеит. 19 Уантәи данца, лкасы лхылхын, аҳәсеибацәа рымаҭәа лшәылҵеит.
20 Иуда Адулла́м иатәыз иҩыза ила аӡыс лзынаишьҭит, илзынижьыз игарц азы, аха иҩыза уи аԥҳәыс дизымԥшааӡеит. 21 Иара уа инхоз ауаа дразҵааит: «Дабаҟоу Енаи́м амҩаҿы итәаз акаҳԥы*?» Дара ирҳәеит: «Ара ахаангьы акаҳԥы дыҟаӡамызт». 22 Нас Иуда иахь дхынҳәын, ус иеиҳәеит: «Сара уи аԥҳәыс дысзымԥшааӡеит. Уа инхоз ауаа исарҳәеит уа ахаангьы акаҳԥы дыҟаӡамызт ҳәа». 23 Иуда иҳәеит: «Уа илымазааит, ҳара ахьымӡӷ ҳамгааит, убри ауп. Сара стәы ҟасҵеит, аӡыс лзынасышьҭит, аха уара дузымԥшааӡеит».
24 Хымзҟа рышьҭахь Иуда ус иарҳәеит: «Уҭаца Фама́рь дкаҳԥит, уажәы лцәалтәымкәагьы дыҟоуп». Усҟан Иуда ус иҳәеит: «Ддәылганы дыжәблы». 25 Ддәылганы даныргоз, лабхәа ус изыналыцҳаит: «Сара абарҭ зтәу иҟынтә ауп сцәастәымкәа сшыҟоу». Нас иацылҵеит: «Суҳәоит, амҳәыр змоу абри амацәази, ашашәеи, алабашьеи зтәу еилкаа». 26 Иуда урҭ иара ишитәыз еиликааит. Нас иҳәеит: «Лара диашоуп, сара сиашаӡам, избанзар сыҷкәын Ше́ла ԥҳәысс дисымҭаӡеит». Уи ашьҭахь уаҳа длыцышьҭамлаӡеит.
27 Лаамҭа анааи, ҩыџьа еицлоуит. 28 Ахшара данлоуаз аамҭазы руаӡәк инапы кылирҳәҳәеит. Ахшараиура илыцхраауаз аԥҳәыс иаразнак инапы арахәыц ҟаԥшь акәлыршан, ус лҳәеит: «Ари раԥхьа дҭыҵит». 29 Аха иара инапы шьҭахьҟа иҭеиҵан, иашьа дҭыҵит. Усҟан лара ҿаалҭит: «Узлакылси уара?!» Убри аҟынтә Фаре́с* ихьӡырҵеит. 30 Иара ишьҭахь иашьа инапы рахәыц ҟаԥшьыла иҿаҳәаны дҭыҵит. Уи Зера́х ихьӡырҵеит.
39 Измаи́лаа Иосиф Египетҟа дааргеит. Иара афараон ируаа ирхагылаз ачынуаҩ Потифа́р дааихәеит. 2 Иегова Иосиф дицын, убри аҟынтә иусқәа зегьы рҿы дманшәалан. Иара Египет иатәыз иԥшәма иҩнаҿы амаҵ аура далагеит. 3 Иԥшәма игәеиҭеит Иегова Иосиф дышицу, насгьы Иегова уи иусқәа зегьы ширманшәало.
4 Потифа́р Иосиф даараӡа дигәаԥхеит азы ихатә маҵуҩыс дҟаиҵеит. Иара Иосиф иҩны дахаиргылеит, насгьы имаз зегьы инапы ианиҵеит. 5 Потифа́р Иосиф иҩны данахаиргыла, насгьы имаз зегьы инапы иананиҵа инаркны, Иегова Иосиф иаҳаҭыразы египеттәи уи ахаҵа иҩнаҭа дазылԥхо далагеит. Иегова уи иҩнаҭа иатәыз зегьы дырзылԥхон, имхқәагьы дырзылԥхон. 6 Убри аҟынтә Потифа́р имаз зегьы Иосиф инапы ианиҵеит, иара ииӡбоз фатәыс изықәдыргылаша заҵәык акәын. Иосиф дхаҵа наӡа-ааӡахеит, даараӡа дыԥшӡахеит.
7 Аамҭак ашьҭахь Иосиф иԥшәма иԥҳәыс Иосиф длаԥшықәылҵан, дихәаԥшуа далагеит. Лара усыцышьҭал ҳәа иалҳәон. 8 Аха иара мап лцәикуан, насгьы ус леиҳәон: «Сыԥшәма иҩны сахылаԥшларц сыдиҵеит, насгьы имоу зегь снапы ианиҵеит. 9 Ари аҩнаҭаҿы сара исеиҳау аӡәгьы дыҟаӡам, избанзар сыԥшәма зегьы снапы ианиҵеит, зегьы срықәиҭуп, бара быда, избанзар бара иԥҳәыс боуп. Нас, абри аҩыза ацәгьара уны, Анцәа иҿаԥхьа агәнаҳа шԥаҟасҵо?»
10 Лара есыҽны Иосиф длыцышьҭаларц дышиҳәозгьы, Иосиф ахаан лыцышьҭалара дақәшаҳаҭхаӡомызт, насгьы рхала еицаанхар иуӡомызт. 11 Ҽнак зны иара иусқәа ҟаиҵарц аҩны дыҩналеит. Усҟан амаҵуцәа рҟынтә аҩны аӡәгьы дыҩнаӡамызт. 12 Усҟан лара имаҭәа дахьынҳалан: «Усыцышьҭал!» — ҳәа иалҳәеит. Аха иара ддәылҟьаны дцеит, имаҭәагьы лнапаҿы ишылкыз иаанхеит. 13 Имаҭәа ааныжьны, дыҩны дышцаз анылба, 14 лмаҵуцәа ирызҿылҭын, дыҳәҳәеит: «Шәахәаԥш! Схаҵа иааигаз ари ауриа даҳхыччарц иӡбеит. Иара амш сылигарц азы дааит, аха сара сыҳәҳәеит. 15 Саныҳәҳәа, имаҭәа сара сҿы иааныжьны, ддәылҟьаны дцеит». 16 Лара Иосиф имаҭәа Иосиф иԥшәма аҩныҟа даанӡа инкыланы илыман.
17 Лхаҵагьы убас иалҳәеит: «Иаҳзааугаз ауриа маҵуҩы сара сахь дааит, дысхыччарц азы. 18 Аха саныҳәҳәа, имаҭәа ааныжьны, ддәылҟьаны дцеит». 19 «Умаҵуҩы исзиуз убома?» — ҳәа иԥҳәыс илҳәаз аниаҳа, Потифа́р иԥсахы еибакит. 20 Убри аҟынтә иара Иосиф аҳ иҭеикқәаз ахьҭакыз абахҭахь дриҭеит. Убас Иосиф абахҭа дҭакын.
21 Аха Иегова Иосиф дицын, гәыбылрала иҭәу абзиабара ааирԥшуан. Иара абахҭа аиҳабы Иосиф дизбзиахартә иҟаиҵеит. 22 Убри аҟынтә абахҭа аиҳабы Иосиф иҭакыз зегьы дырхаиргылеит, даргьы Иосиф ииҳәоз ҟарҵон. 23 Абахҭа аиҳабы Иосиф инапы ианиҵозаалак азы игәы ҭынчын, избанзар Иегова Иосиф дицын, Иосиф иҟаиҵозаалакгьы Иегова дирманшәалон.
40 Аамҭак ашьҭахь египеттәи аҳ иҿы амаҵ зуаз аҩынаҳаҩ еиҳаби ачаӡҩы еиҳаби рыԥшәма, египеттәи аҳ, ддыргәааит. 2 Убри аҟынтә афараон урҭ имаҵуцәа, аҩынаҳаҩ еиҳаби ачаӡҩы еиҳаби, игәы рзыԥжәан, аруаа реиҳабы иҩны иҟаз абахҭа иҭеикит. 3 Уи абахҭаҿы акәын Иосифгьы дахьҭакыз. 4 Аруаа реиҳабы урҭ Иосиф инапы ианиҵеит, дырхылаԥшларц азы. Даргьы ԥыҭраамҭак абахҭа иҭакын.
5 Уахык египеттәи аҳ иҩынаҳаҩи ичаӡҩи абахҭа иахьҭакыз аԥхыӡ рбеит, урҭ рыԥхыӡқәа ҵакык-ҵакык рыман. 6 Ашьыжь Иосиф даннеи, урҭ ргәы ак шыҵхоз ибеит. 7 Иԥшәма иҩнаҿы иҟаз абахҭа ицҭакыз афараон имаҵуцәа ус дразҵааит: «Иахьа шәылахь зеиқәуи?» 8 Дара ирҳәеит: «Ҳҩыџьагьы аԥхыӡ ҳбеит, аха иаҳбаз иаанаго ҳаилзыркаауа уаҩ дыҟам». Иосиф ус реиҳәеит: «Аԥхыӡ иаанаго зҳәо Анцәа иакәӡами? Сара исзеиҭашәҳәа».
9 Аҩынаҳаҩ еиҳабы иԥхыӡ Иосиф изеиҭаҳәара далагеит: «Сара избеит аӡахәа. 10 Уи х-ҟатак аман. Апытҟәырқәа цәырҵын, ашәҭқәа ҿалеит, нас ажьымжәа ҟалеит. 11 Сара афараон иҵәца скын. Ажь сырпыҵын, иаҵыҵыз аҵәца иҭасҭәеит. Нас аҵәца афараон исыркит». 12 Усҟан Иосиф ус иҳәеит: «Абар уԥхыӡ ҵакыс иамоу. Х-ҟатак иаанагоит хымш. 13 Хымш рышьҭахь афараон ухы уақәиҭитәуеит*, уҭыԥ ахь уирхынҳәуеит, иара иҿы ҩынаҳаҩыс уаныҟаз ишыҟауҵоз еиԥш афараон аҵәца иурклоит. 14 Уанышьақәгылалак ашьҭахь сугәаларшәа. Суҳәоит, гәыбылрала иҭәу абзиабара аарԥшны, сыӡбахә афараон изеиҭаҳәа, соурышьҭырц азы. 15 Сара ауриацәа рыдгьыл аҟынтәи сырӷьычит, арагьы абахҭа* сҭаркит, цәгьарак шыҟасымҵазгьы».
16 Ачаӡҩы еиҳабы Иосиф еилиргаз аҩынаҳаҩ иԥхыӡ абзиара ишатәу анеиликаа, ус иҳәеит: «Саргьы аԥхыӡ збеит. Схы иқәгылан ача шкәакәа зҭаз х-каҵкәырк. 17 Хыхьтәи акаҵкәыр аҿы афараон изы еиуеиԥшым ачалыхқәа ҭан. Аҵарақәа уи акаҵкәыр иҭаз иҭасуа афара иаҿын». 18 Усҟан Иосиф иҳәеит: «Абар уԥхыӡ ҵакыс иамоу: х-каҵкәырк иаанагоит хымш. 19 Хымш рышьҭахь афараон ухы хҵәаны ашьаҟа укыдиҵоит, аҵарақәагьы ааухыкәласуа урфалоит».
20 Ахымш раан афараон имшира ыҟан. Иара имаҵуцәа зегьы рзы ачара иуит. Нас зегьы ишраҳауаз аҩынаҳаҩ еиҳаби ачаӡҩы еиҳаби арахь исзаажәг ҳәа адҵа ҟаиҵеит*. 21 Иара аҩынаҳаҩ еиҳабы имаҵзураҭыԥ ахь дирхынҳәит, иаргьы уаанӡа еиԥш афараон аҵәца иркра далагеит. 22 Ачаӡҩы еиҳабы дганы дыкнеиҳаит, Иосиф ишиҳәахьаз еиԥш. 23 Аҩынаҳаҩ еиҳабы Иосиф дигәаламшәаӡеит, дихашҭит.
41 Уи ашьҭахь ҩышықәса анҵы афараон ԥхыӡла ибеит Нил аӡиас дхықәгылоушәа. 2 Аӡиас иԥсылаз, иԥшӡаз быжь-жәык ааҭыҵын, Нил ахықә аҿы аҳәра иалагеит. 3 Уи ашьҭахь изгыз, ицәыршәагаз даҽа быжь-жәык аӡиас иааҭыҵын, Нил ахықә аҿы игылаз иԥсылаз ажәқәа инарылагылеит. 4 Нас изгыз, ицәыршәагаз ажәқәа иԥсылаз, иԥшӡаз быжь-жәык рфеит. Убасҟан афараон дааԥшит.
5 Нас еиҭа дыцәан, даҽа ԥхыӡк ибеит. Хәҵәык игәылҭәааз ачарыц* бзиақәа быжьба ҿалеит. 6 Уи ашьҭахь иҿалеит ипаӡа иҟаз, мрагыларатәи аԥша иарҩаз даҽа быжь-чарыцк. 7 Ачарыц пақәа игәылҭәааз ачарыц бзиақәа быжьба рыхәладырбгеит. Усҟан афараон дааԥшын, иибаз шыԥхыӡыз еиликааит.
8 Ашьыжь афараон агәҭынчымра изцәырҵит. Убри аҟынтә Египет иҟаз аныхаԥааҩцәеи аҟәыӷацәеи зегь ааизиган, иԥхыӡқәа рзеиҭеиҳәеит, аха урҭ ҵакыс ирымаз аӡәгьы изымҳәаӡеит.
9 Усҟан аҩынаҳаҩ еиҳабы афараон ус иеиҳәеит: «Иахьа сара сыгәнаҳақәа аартны иуасҳәоит. 10 Зны афараон имаҵуцәа игәы рзыԥжәан, аруаа реиҳабы иҩнаҿы иҟоу абахҭа сҭеикит, ачаӡҩы еиҳаби сареи. 11 Уахык зны ҳҩыџьагьы аԥхыӡ ҳбеит, дасу иара иԥхыӡ ибеит, ҵакыс ирымазгьы еиԥшӡамызт. 12 Уа уриа ҷкәынак дҳацҭакын. Иара аруаа реиҳабы имаҵуҩы иакәын. Ҳаԥхыӡқәа анизеиҭаҳҳәа, ҵакыс ирымаз ҳаиҳәеит. 13 Иара ишиҳәаз еиԥшҵәҟьоуп зегь шыҟалазгьы. Сара уаанӡатәи смаҵураҭыԥ ахь сдырхынҳәит, ачаӡҩы еиҳабы дыкнарҳаит».
14 Афараон Иосиф иахь ауаа ишьҭын, иаразнак абахҭа* аҟынтә дааргеит. Иосиф иԥаҵа исан, имаҭәа ааиԥсахын, афараон иахь днеит. 15 Афараон Иосиф ус иеиҳәеит: «Сара аԥхыӡ збеит, аха уи иаанаго аӡәгьы изеиҭаҳәаӡом. Сара исаҳаит уара аԥхыӡқәа рҵакы шеилурго». 16 Иосиф афараон ус иеиҳәеит: «Сара сакәӡам, Анцәа иоуп афараон ажәабжь бзиа иазҳәо».
17 Афараон Иосиф изеиҭаҳәара далагеит: «Сара избеит Нил ахықәан сгылоушәа. 18 Нил иԥсылаз, иԥшӡаз быжь-жәык ааҭыҵын, аӡиас ахықә аҿы аҳәра иалагеит. 19 Уи ашьҭахь изгыз, ицәыршәагаз даҽа быжь-жәык аӡиас иҭыҵит. Египет зегь аҿы сара убарҭ реиԥш ицәыршәагаз ажәқәа ахаан исымбацызт. 20 Нас изгыз, ицәыршәагаз ажәқәа раԥхьа иҭыҵыз иԥсылаз, иԥшӡаз быжь-жәык рфеит. 21 Аха урҭ рфеит ҳәагьы узҳәомызт, избанзар уахьрыхәаԥшуаз ишцәыршәагаз иаанхеит. Усҟан сара сааԥшит.
22 Нас избеит хәҵәык игәылҭәааз ачарыц бзиақәа быжьба шҿалаз. 23 Урҭ рышьҭахь ипаз, мрагыларатәи аԥша иарҩаз даҽа быжь-чарыцк ҿалеит. 24 Ачарыц пақәа ачарыц бзиақәа быжьба рыхәладырбгеит. Сара уи аныхаԥааҩцәа ирзеиҭасҳәеит, аха иаанагоз аӡәгьы изымҳәаӡеит».
25 Усҟан Иосиф афараон ус иеиҳәеит: «Афараон иԥхыӡқәа ҵакык ауп ирымоу. Анцәа ду иҟаиҵарц игәы иҭоу афараон иирдырит. 26 Ажә бзиақәа быжьба иаанагоит быжь-шықәса. Иара убас ачарыц бзиақәа быжьба иаанагоит быжь-шықәса. Аԥхыӡқәа ҵакык ауп ирымоу. 27 Ажә бзиақәа рышьҭахь иҭыҵыз изгыз, ицәыршәагаз ажәқәа быжьба иаанагоит быжь-шықәса. Мрагыларатәи аԥша иарҩаз иҭацәыз ачарыцқәа быжьба иаанагоит быжь-шықәса рыҩныҵҟа амлакра шыҟало. 28 Афараон ишиасҳәахьоу еиԥш, Анцәа ду афараон иирбеит иҟаиҵарц игәы иҭоу.
29 Египет быжь-шықәса ибарақьаҭрахоит. 30 Уи ашьҭахь быжь-шықәса амлакра ҟалоит. Египет иҟаз абарақьаҭра зегь рхашҭуеит, амлакра адгьыл ықәнахуеит. 31 Иҟаз абарақьаҭра рхашҭуеит, избанзар амлакра даараӡа иӷәӷәахоит. 32 Афараон иԥхыӡ ҩынтә иахьибаз иаанагоит Анцәа ду ииӡбаз шыҟаиҵаҵәҟьо, иаарласынгьы ишыҟаиҵо.
33 Убри аҟынтә диԥшааит афараон аилкаара змоу, иҟәышу ауаҩы, уи Египет зегьы дахаиргылааит. 34 Афараон ауаа алихааит, быжь-шықәса рыҩныҵҟа иҟало абарақьаҭра аан египеттәи адгьыл ирнаҭо аҽаҩра аҟынтә ахәбатәи ахәҭа ргаларц азы. 35 Иааиуа аарыхра ашықәсқәа раан афатә еидыркылалааит, ачарыц ақалақьқәа рҿы иҵәахны ирыхьчалааит. Уи афараон итәхоит. 36 Усҟан быжь-шықәса рыҩныҵҟа амлакра аныҟало, Египет афатә ыҟазаауеит, ауааи арахәи мԥсырц азы».
37 Иосиф ииҳәаз афараон имаҵуцәеи иареи иргәаԥхеит. 38 Афараон имаҵуцәа ус реиҳәеит: «Абри иеиԥш Анцәа идоуҳа змоу даҽаӡә дузыԥшаауама?» 39 Нас афараон Иосиф ус иеиҳәеит: «Анцәа абри зегьы уара иузааиртзар, уара уеиԥш аилкаара змоу, иҟәышу аӡәгьы дыҟаӡам. 40 Уара сыҩны уахагылазаауеит, сыжәларгьы уажәа иахыԥалаӡом, иуҳәо зегь ҟарҵалоит. Сара заҵәык соуп аҳ иаҳасабала уара иуеиҳахо». 41 Уи ашьҭахь афараон Иосиф ус иеиҳәеит: «Сара Египет зегьы уахасыргылоит». 42 Абас наиеиҳәан, амҳәыр змаз амацәаз инапы иаахихын, Иосиф инапы иахеиҵеит, ақәны цқьа иалхыз амаҭәа ишәиҵеит, ахьтәы хәдахаҵа ихәда иахеиҵеит. 43 Уи адагьы, адҵа ҟаиҵеит аҩбатәи иҽыуардын дақәыртәаны, иаԥхьа игыланы «Аврех!»* ҳәа ҿыҭуа дыргарц. Убас иара Иосиф Египет зегьы дахаиргылеит.
44 Нас афараон Иосиф ус иеиҳәеит: «Сара сфараонуп, аха Египет зегь аҿы уара азин румҭакәа аӡәгьы шьаҿакгьы ҟаиҵаӡом*». 45 Уи ашьҭахь афараон Иосиф Цафна́ф-Панеа́х ихьӡиҵеит, насгьы ақалақь Он* аныхаԥааҩ Потифе́р иԥҳа Асене́фа ԥҳәысс дииҭеит. Иосиф египеттәи адгьыл дахагылеит. 46 Иосиф египеттәи аҳ, афараон, имаҵ аура даналагоз* 30 шықәса ихыҵуан.
Иосиф афараон иҟынтә дандәылҵ, Египет зегьы далсны, ахи аҵыхәеи еимидеит. 47 Быжь-шықәса рыҩныҵҟа иҟаз абарақьаҭра аан адгьыл аҽаҩра бзиа аанашьҭуан. 48 Иара Египет быжь-шықәса аҽаҩра еидикылон, афатә ақалақьқәа рҿы еизигон. Қалақьцыԥхьаӡа ааигәа-сигәа иҟаз амхқәа рҟынтә аҽаҩра еидикылон. 49 Иосиф убас ирацәаны ачарыц еидикылеит, амшын аҟәара иқәыԥсоу аԥслымӡ еиԥш. Шаҟа еидыркылаз аԥхьаӡарагьы иаҟәыҵит, избанзар уи ԥхьаӡашьа амамызт.
50 Амлакра ҟалаанӡа Иосиф ҩыџьа аԥацәа ихылҵит. Урҭ ақалақь Он* аныхаԥааҩ Потифе́р иԥҳа Асене́фа лҟынтә ауп ишиоуз. 51 Иосиф иԥеиҳаб Мана́ссиа* ихьӡиҵеит, избанзар иҳәеит: «Анцәа схьаақәеи саб иҩни схеиршҭит». 52 Аҩбатәи иԥа Ефре́м* ихьӡиҵеит, избанзар иҳәеит: «Анцәа арыцҳара сахьақәшәаз адгьыл аҿы ахшара* сиҭеит».
53 Египет быжь-шықәса иҟаз абарақьаҭра нҵәеит, 54 иалагеит, Иосиф ишиҳәахьаз еиԥш, быжь-шықәса ицоз амлакра. Зехьынџьара амлакра ыҟан, аха Египет ача ыҟан. 55 Аамҭак ашьҭахь Египетгьы амлакра иахҟьаны агәаҟра иалагеит. Ажәлар афараон иҳәон ача риҭарц. Усҟан афараон египтаа ус реиҳәеит: «Иосиф иахь шәцаны, ишәеиҳәо зегь ҟашәҵала». 56 Адгьыл зегь аҿы амлакра шыҟац иҟан. Усҟан Иосиф египтаа ачарыц раадирхәо далагеит, избанзар Египет амлакра ӷәӷәа ыҟан. 57 Уи адагьы, ауаа егьырҭ адгьылқәа рҟынтә Иосиф иҿы ачарыц аархәарц азы Египетҟа иаауан, избанзар адгьыл зегь аҿы амлакра еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон.
42 Иаков Египет ачарыц* шыҟоу анеиликаа, иҷкәынцәа ус реиҳәеит: «Шәзеихәаԥшуеи, акгьы зыҟашәымҵои? 2 Египет ачарыц ыҟоуп ҳәа саҳаит. Убрахь шәцаны, ачарыц аашәхә, амла ҳаганы ҳамԥсырц азы». 3 Убас жәаҩык Иосиф иашьцәа ачарыц аархәарц Египетҟа ицеит. 4 Аха Иаков Иосиф иашьа Вениамин иашьцәа дрыцимҵаӡеит. Иара иҳәеит: «Ак ихьыр ҟалоит».
5 Израиль иԥацәа егьырҭ ауаа ирыцны ачарыц аархәарц азы Египетҟа иааит, избанзар Ханаа́нгьы амлакра ыҟан. 6 Иосиф атәыла дахагылан. Иара еиуеиԥшым адгьылқәа рҟынтә иаауаз ауаа ачарыц дааирхәон. Убри аҟынтә Иосиф иашьцәагьы иара иахь инеин, ишьамхышгыланы иеихырхәеит. 7 Иосиф иашьцәа аниба, иаразнак идырит, аха изымдыруашәа ҟаиҵеит. Иара имчны драцәажәеит, шәабантәиааи ҳәа дразҵааит. Дара ирҳәеит: «Ханаа́нынтәи ҳааит, афатә ааҳхәарц азы».
8 Иосиф иашьцәа идырит, аха дара дырзымдырӡеит. 9 Иара иаразнак игәалашәеит иашьцәа ирызкны иибахьаз аԥхыӡқәа. Нас ус реиҳәеит: «Шәара шәыԥшыхәцәоуп! Шәара шәзааз ари адгьыл аҿы иԥсыҽу, иуашәшәыроу аҭыԥқәа жәбарц азоуп!» 10 Усҟан дара ус иарҳәеит: «Мап, ухаҵкы, умаҵуцәа афатә аархәарц азоуп изааз. 11 Ҳара зегьы абык ихылҵыз ҳауп. Ҳара амц ҳҳәаӡом, ламыс змоу уаауп. Умаҵуцәа ԥшыхәцәаӡам». 12 Аха иара ус реиҳәеит: «Мап! Шәара шәзааз ари адгьыл аҿы иԥсыҽу, иуашәшәыроу аҭыԥқәа жәбарц азоуп!» 13 Нас дара ус рҳәеит: «Ҳара, умаҵуцәа, 12-ҩык аишьцәа ҳаҟан. Ҳара абык ихылҵыз ҳауп. Ҳаб Ханаа́н дынхоит, ҳашьеиҵбы уажәы иаб иҿы дыҟоуп, аӡәы уажәшьҭа дыҟаӡам».
14 Аха Иосиф еиҭа ус реиҳәеит: «Сара исҳәеит шәыԥшыхәцәоуп ҳәа! 15 Уажәы шәԥышәаны шәеилыскаауеит. Афараон имаҿоуп, шәашьеиҵбы абра дмааикәа џьаргьы шәшымцо. 16 Шәуаӡәк шәашьа дишьҭаланы дцааит, егьырҭ ара иҭакыз. Убасала аиаша шәҳәоу-ишәымҳәоу еилаҳкаауеит. Ус анакәымха, афараон имаҿоуп, шәышԥшыхәцәоу». 17 Нас хымш ҳәа абахҭа иҭеикит.
18 Ахымш раан Иосиф урҭ ус реиҳәеит: «Исҳәо ҟашәҵа, убасҟан шәыԥсы ҭаны шәынхоит, избанзар сара Анцәа сицәшәоит. 19 Амц шәымҳәозар, ламыс змоу уаазар, аӡәы ара дҭакыз, егьырҭ — шәца, шәҭаацәарақәа ачарыц рзыжәга, амла иамгарц азы. 20 Нас ишәҳәо шиашоу шьақәшәырӷәӷәарц азы шәашьеиҵбы дысзаажәга, убасҟан шәыԥсӡом». Ус иагьыҟарҵеит.
21 Дара аӡәи-аӡәи абас еибырҳәеит: «Ҳашьа ишакәым ҳахьизныҟәаз азоуп абри аҩыза ҳзақәшәаз. Иҳамбози дышгәаҟуаз. Срыцҳашәшьа ҳәа дҳаҳәон, аха ҳара ҳаизымӡырҩӡеит. Убри азоуп арыцҳара ҳзақәшәазгьы». 22 Усҟан Руви́м ус реиҳәеит: «Сара ишәасымҳәаӡози: „Ахәыҷы акгьы изышәымун, агәнаҳа шәықәшәымҵан ҳәа?“, аха шәысзымӡырҩӡеит. Уажәшьҭа ишьа ахә ашәара аамҭа ааит». 23 Дара ирыздырӡомызт Иосиф ирҳәоз зегь шеиликаауаз, избанзар иара аҭырџьман ила ауп дышрацәажәоз. 24 Иосиф дырԥырҵын, аҵәыуара далагеит, нас дхынҳәны данааи, еиҭа рацәажәара далаган, ишырбоз Симеон дҿеиҳәеит. 25 Нас Иосиф адҵа ҟаиҵеит рсакьқәа* чарыцла идырҭәырц, рԥарақәагьы ырхынҳәны, дасу исакь* иҭарҵарц, амҩан ирфашагьы рырҭарц. Убас иагьыҟарҵеит.
26 Аишьцәа реидарақәа аҽадақәа инарықәырҵан, идәықәлеит. 27 Ауха иԥхьарц иахьаангылаз аҭыԥ аҿы руаӡәк иҽада акраҿеиҵарц азы исакь* анааирт, иԥарақәа уа ишҭаз ибеит. 28 Иашьцәа ус реиҳәеит: «Сԥарақәа дырхынҳәит, ссакь* иҭоуп!» Ргәы цан, ишәаны еихәаԥшит, нас ус еибырҳәеит: «Анцәа иаҳзиуз закәуи?»
29 Раб Иаков иахь ианнеи, изықәшәаз зегь раб изеиҭарҳәеит. Дара ирҳәеит: 30 «Уи атәыла иахагылоу ауаҩы имчны дҳацәажәон, ҳаԥшыхәцәаз џьишьеит. 31 Аха ҳара иаҳҳәеит: „Ҳара амц ҳҳәаӡом, ламыс змоу уаауп, ҳаԥшыхәцәаӡам. 32 Ҳара 12-ҩык аишьцәа ҳаҟан, абык ихылҵыз ҳауп. Ҳаб Ханаа́н дынхоит, ҳашьеиҵбы уажәы иаб иҿы дыҟоуп, аӡәы уажәшьҭа дыҟаӡам“. 33 Иара ус ҳаиҳәеит: „Абар амц шышәымҳәо злаздыруа: шәуаӡәк сара сҿы даанхааит. Егьырҭ — шәҭаацәарақәа амла иамгарц азы афатә шәыманы шәца. 34 Шәашьеиҵбы дысзаажәга, усҟан сара еилыскаауеит шәшыԥшыхәцәам, амц шышәымҳәо. Убасҟан шәашьа доусышьҭуеит, ари адгьыл аҿы ишәҭаху аахәарагьы азин шәысҭоит“».
35 Асакьқәа* ирҭаз ачарыц анкарыԥсоз, дасу исакь* иԥарақәа шҭаз рбеит. Раби дареи уи анырба, даараӡа ишәеит. 36 Раб Иаков ҿааиҭит: «Шәара схәыҷқәа сымышәхит. Иосиф дыҟаӡам, Симеонгьы дыҟаӡам, уажәшьҭа Вениамингьы дсымышәхыр шәҭахуп! Абри зегьы сара сзақәшәеи?» 37 Руви́м иаб ус иеиҳәеит: «Дсыманы смаар, ҩыџьа сыҷкәынцәа шьы. Снапы данҵа, сара уи дырхынҳәны дузаазгоит». 38 Аха Иаков иҳәеит: «Сыҷкәын дшәыццаӡом, избанзар иашьа дыԥсхьеит, иара заҵәык иоуп иаанхаз. Амҩан ак ихьны дыԥсыр, сара, абырг, агәырҩа сашәыршьуеит, анышә* ахь сшәышьҭуеит».
43 Ханаа́н иҟаз амлакра даара иӷәӷәан. 2 Египетынтәи иааргаз ачарыц* анынҵәа, раб ус реиҳәеит: «Еиҭа шәцаны афатә ҳзаашәхә». 3 Иуда ус иҳәеит: «Уи ауаҩ шәашьа дшәыцымкәа шәмаан ҳәа инақәырӷәӷәаны иҳаиҳәеит. 4 Ҳашьа дҳацҵаны душьҭыр, ҳцаны афатә ааҳхәоит. 5 Дҳацумҵар, ҳцаӡом, избанзар уи ауаҩ „шәашьа дшәыцымкәа шәмаан“ ҳәа ҳаиҳәеит». 6 Израиль иҳәеит: «Абри аҩыза арыцҳара сзақәшәыршәеи? Изиашәҳәеи уи ауаҩ даҽа иашьак дышшәымоу?» 7 Дара ирҳәеит: «Иара ҳазусҭцәоу еиликаар иҭахын, ҳауацәа рыӡбахә дазҵаауан: „Шәаб иԥсы ҭоума? Иҵегь аишьцәа шәымоума?“ ҳәа. Ҳаргьы аҭак иаҳҭон. Иабантәиҳдыруаз „шәашьа арахь дысзаажәга“ ҳәа шҳаиҳәоз».
8 Усҟан Иуда иаб Израиль диҳәо далагеит: «Аҷкәын дсыцҵа, ҳцаны афатә ааҳхәоит, уаргьы, ҳаргьы, ҳхәыҷқәагьы амла иаганы имԥсырц азы. 9 Аҷкәын снапы данҵа, дырхынҳәны дузаасымгар, сыԥсы ахьынӡаҭоу уҿаԥхьа ахара сыдзаауеит. 10 Ҳааццакызҭгьы, уажәшьҭа ҩынтә ҳцаны ҳаахьазаарын».
11 Усҟан раб Израиль ус реиҳәеит: «Ус анакәха абас ҟашәҵа: ари адгьыл злабеиоу зегьы шәсакьқәа* ирҭаҵаны, уи ауаҩ ҳамҭас изыжәга — маҷк абальзам*, маҷк ацха, афҩы хаа змоу аҷаб, аҵлацәа аҷаб, афисташкеи аминдальи. 12 Ҩынтә еиҳаны аԥара шьҭышәх, ирхынҳәны шәсакьқәа* ирҭарҵаз аԥарагьы жәга. Издыруада гхак рыхьзар. 13 Шәашьа даашьҭыхны уи ауаҩ иахь шәца. 14 Зегьзымчу Анцәа игәазҭеиҵааит шәрыцҳаишьарц, уа иаанхаз шәашьагьы Вениамингьы ауишьҭырц. Сара стәы сҳәозар, схәыҷқәа сцәыӡраны иҟазар, исцәыӡуеит!»
15 Аишьцәа аҳамҭақәеи ҩынтә еиҳаны аԥареи аашьҭырхын, Вениамин дрыманы Египетҟа идәықәлеит. Уа дара еиҭа Иосиф иахь инеит. 16 Иосиф Вениамин даниба, иҩны иахагылаз ус иеиҳәеит: «Арҭ ауаа сыҩныҟа инаг, нас ашьтәақәа шьны, афатә рхиа, избанзар шьыбжьон арҭ ауаа сара акрысыцырфоит». 17 Иаргьы Иосиф иажәа ҩбамтәӡакәа ишиеиҳәаз еиԥш зегь ҟаиҵан, урҭ ауаа Иосиф иҩныҟа игеит. 18 Урҭ Иосиф иҩнахьы ианырга, ишәан, ус рҳәеит: «Арҭ уаанӡа ҳсакьқәа* ирҭаз аԥара ауп ҳзыхдырҟьо. Уажәшьҭа дара ҳақәланы маҵуцәас ҳҟарҵоит, ҳҽадақәагьы ҳамырхуеит».
19 Дара Иосиф иҩны иахагылаз инаидгылан, ашә аԥхьа иацәажәара иалагеит. 20 Ус иарҳәеит: «Уаҳзыӡырҩы, ухаҵкы! Ҳара ара ҳаахьеит, афатә ааҳхәарц азы. 21 Аха ҳхынҳәны ҳанцоз амҩан ҳаԥхьарц азы џьара ҳахьаангылаз ҳсакьқәа* анааҳарт, дасу ҳсакьқәа* ҳԥарақәа шҭаз ҳбеит. Урҭ ҳархынҳәыр ҳҭахуп. 22 Ҳара иҵегь аԥара ҳаманы ҳааит, афатә ааҳхәарц азы. Ҳсакьқәа* аԥарақәа ҭазҵаз дҳаздырӡом». 23 Уи ауаҩ ус иҳәеит: «Акы шәацәымшәан. Сара усҟан шәԥарақәа соуит. Шәынцәеи шәаб Инцәеи иоуп шәсакьқәа* аԥара ҭазҵаз». Нас Симеон ддәылганы дриҭеит.
24 Уи ашьҭахь уи ауаҩ Иосиф иҩныҟа инеиган, ршьапқәа рыӡәӡәарц азы аӡы риҭеит, рҽадақәагьы рхәы риҭеит. 25 Дара ираҳаит шьыбжьон Иосиф акрырыцифарц шиҭаху, убри аҟынтә рҳамҭақәа дырмазеит. 26 Иосиф аҩныҟа даннеи, рҳамҭақәа ирҭан, ишьамхышгыланы иеихырхәеит. 27 Иара шәышԥаҟоу ҳәа дразҵаан, ус иҳәеит: «Зыӡбахә шәҳәоз ибыргу шәаб дышԥаҟоу? Иԥсы ҭоума?» 28 Дара ирҳәеит: «Ҳаб иԥсы ҭоуп, игәгьы бзиоуп». Нас иеихырхәеит.
29 Иан илхылҵыз иашьа Вениамин даниба, Иосиф ус дразҵааит: «Ари зыӡбахә сзеиҭашәҳәоз шәашьеиҵбы иоума?» — нас иациҵеит: «Анцәа дузылԥхааит, сыҷкәын!» 30 Иосиф иашьа даниба, илаӷырӡ изнымкылеит. Иаразнак ддәылҵын, аӡәгьы дахьыҟамыз ауадахь днеин, дқьызқьызуа аҵәыуара далагеит. 31 Нас иҿы иӡәӡәан, иҽааизиган, дара рахь дхынҳәит. «Афатә ақәыргылара шәалага», — ҳәагьы адҵа ҟаиҵеит. 32 Иара хазы изықәдыргылеит, иашьцәагьы хазы, иҩны акрызфоз египтаа рзгьы хазы, избанзар египтаа ауриацәа акрырыцфара хәымгароуп ҳәа рыԥхьаӡон.
33 Аишьцәа иаԥхьа идыртәеит. Аԥеиҳаб изин змаз аиҳабы иҭыԥ аҿы ддыртәеит, аиҵбы аиҵбы иҭыԥ аҿы ддыртәеит, аишьцәагьы иџьашьаны инеихәаԥшы-ааихәаԥшуан. 34 Иосиф иаԥхьа иқәыз афатә иашьцәа ириҭон, аха Вениамин урҭ раасҭа хәынтә еиҳаны ииҭон. Убас дара Иосиф идтәаланы рызхара рфон, иржәуан.
44 Аамҭак ашьҭахь Иосиф иҩны иахагылаз ус иеиҳәеит: «Арҭ ауаа шаҟа рызго ачарыц* рсакьқәа* ирҭаԥса, дасу исакь* аԥара ҭаҵа. 2 Аиҵбы исакь* ачарыц азы иааргаз аԥара араӡны иалху сыҵәца ацҭаҵа». Иаргьы Иосиф ишиеиҳәаз еиԥш иҟаиҵеит.
3 Ианааша, аишьцәа рҽадақәеи дареи амҩа иқәырҵеит. 4 Ақалақь алҵра иахьӡаанӡа, Иосиф иҩны иахагылаз ус иеиҳәеит: «Ирласны урыхьӡа! Уанрыхьӡалак абас раҳә: „Ишәзыҟарҵаз абзиара азы абас аума ҭабуп ҳәа шышәҳәо? 5 Сыԥшәма уи аҵәца ала акрижәуеит, уи алагьы аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу иҳәоит. Иҟашәҵаз иашаӡам“».
6 Аҩны иахагылаз урҭ дрыхьӡан убарҭ ажәақәа реиҳәеит. 7 Аха дара ирҳәеит: «Ҳаԥшәма абас зиҳәои? Умаҵуцәа ус ҟарҵаӡомызт. 8 Ҳсакьқәа рҿы иҳаԥшааз аԥара Ханаа́нынтәи иргьежьны иааҳгеит. Ахьи араӡни уԥшәма иҩны аҟынтә ишԥаҳӷьычуаз? 9 Аҵәца зҿы иԥшаахо дыԥсааит. Егьырҭ зегьы ҳаԥшәма имаҵуцәа ҳакәхоит». 10 Усҟан иара иҳәеит: «Ус иагьыҟаҳҵап. Зҿы иԥшаахо смаҵуҩ иакәхоит, егьырҭ акгьы рхарахаӡом». 11 Даргьы ашырҳәа рсакьқәа* аалбааганы адгьыл иқәдыргылан, иаадыртит. 12 Иара хәыц-хәыц, аиҳабы инаиркны аиҵбы иҟынӡа, зегьы рсакьқәа* реимдара далагеит. Аҵыхәтәаны аҵәца Вениамин исакь* аҿы иԥшааит.
13 Усҟан дара рымаҭәа рышәхаԥыржәан, реидара аҽадақәа инарықәырҵан, ақалақь ахь ихынҳәит. 14 Иуда иашьцәеи иареи Иосиф иҩныҟа ианнеи, иара макьана уа дыҟан. Данырба, ишьамхышгыланы иеихырхәеит. 15 Иосиф ус реиҳәеит: «Иҟашәҵаз закәуи? Сара сеиԥш иҟоу ауаҩы аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу шидыруа шәзымдырӡози? Иҟалаз еилыскааӡом ҳәа шәгәы иаанагама?» 16 Иуда ус иҳәеит: «Ҳаԥшәма иаҳҳәои? Ҳхы злаҳариашари? Акгьы шаҳхарам злашьақәҳарӷәӷәои? Анцәа ду умаҵуцәа рыгәнаҳа ааиртит. Уажәшьҭа ҳара ҳаԥшәма имаҵуцәа ҳауп, ҳаргьы, аҵәца зҿы ирыԥшаазгьы». 17 Аха иара иҳәеит: «Мап, маҵуцәас шәҟасҵаӡом. Аҵәца зҿы ирыԥшааз иоуп маҵуҩыс иҟасҵо, егьырҭ шәхы шәақәиҭуп, шәца шәаб иахь».
18 Усҟан Иуда днаидгылан, ус иеиҳәеит: «Суҳәоит, ухаҵкы, исҳәо урҳа, умаҵуҩы угәы изԥымжәан, уара афараон уиаҟароуп. 19 Ҳаԥшәма имаҵуцәа ус дразҵааит: „Шәаб иԥсы ҭоума? Иҵегь аишьцәа шәымоума?“ 20 Ҳаԥшәма ус иаҳҳәеит: „Ҳара зықәрахь инеихьоу аб дҳамоуп, ҳаб данажә ихылҵыз аиашьа аиҵбгьы дҳамоуп, иан илхылҵыз рҟынтә иара иоуп иаанхаз, избанзар иашьа дыԥсит, иабгьы уи даараӡа бзиа дибоит“. 21 Уара умаҵуцәа ус роуҳәеит: „Арахь дысзаажәга, дызбар сҭахуп“. 22 Ҳаԥшәма ус иаҳҳәеит: „Ҳашьеиҵбы иаб дизныжьӡом, дынижьыр, ҳаб уи дихыԥсаауеит“. 23 Усҟан умаҵуцәа ус роуҳәеит: „Шәашьеиҵбы дшәыцымкәа арахь шәмаан“.
24 Ҳаб иахь ҳцан, ҳаԥшәма ииҳәаз зегь изеиҭаҳҳәеит. 25 Ԥыҭрак ашьҭахь ҳаб ус ҳаиҳәеит: „Еиҭа шәцаны афатә ҳзаашәхә“. 26 Ҳара иаҳҳәеит: „Уахь ҳазцаӡом. Ҳашьеиҵбы дҳацҵаны душьҭыр, ҳцоит, дҳацумҵар, уи ауаҩ иахь ҳазнеиӡом“. 27 Усҟан ҳаб ус ҳаиҳәеит: „Шәара ижәдыруеит сыԥҳәыс ҩыџьа аԥацәа шракәу илоуз. 28 Аӡәы саанижьит, уаҳа дагьысымбеит. Сара исҳәеит: ‚Агыгшәыг деимнажәжәеит‘. 29 Аҩбатәигьы дсымышәхыр, уигьы рыцҳарак дақәшәар, сара, абырг, агәырҩа сашәыршьуеит, анышә* ахь сшәышьҭуеит“.
30 Саб иахь зыда ԥсыхәа имам сашьеиҵбы ида схынҳәыр, 31 дышҳацым анибалак агәырҩа дашьуеит, усҟан умаҵуцәа ииашаҵәҟьаны ибыргу ҳаб анышә* ахь дрышьҭуеит. 32 Саб ажәа исҭеит сашьа акгьы шимыхьуа. Сара исҳәеит: „Дырхынҳәны дузаасымгар, сыԥсы ахьынӡаҭоу уҿаԥхьа ахара сыдзаауеит“. 33 Убри аҟынтә, суҳәоит, сыԥшәма сашьеиҵбы иҭыԥан сара маҵуҩыс сҟаиҵааит, иара иашьцәа дрыцны дцааит. 34 Сашьа ида саб иахь хынҳәышьас исымои? Саб агәырҩа дшаргәаҟуа сзахәаԥшуам!»
45 Иосиф ицәаныррақәа уаҳа рыҵәахра анилымша, ибжьы ҭыганы имаҵуцәа ус реиҳәеит: «Шәдәылҵ зегьы!» Зегь андәылҵ, Иосиф иашьцәа дызусҭаз реиҳәеит.
2 Иосиф убас ибжьы рдуны аҵәыуара далагеит, иҵәыуабжь египтаагьы ираҳаит, иҟалаз афараон иҩны аҟынӡагьы инеит. 3 Аҵыхәтәаны иашьцәа иреиҳәеит: «Сара Иосиф соуп. Саб иԥсы ҭоума?» Аха иашьцәа аҭак рзыҟаҵомызт, избанзар ишанханы иҟан. 4 Иосиф иашьцәа дрыҳәеит: «Шәааскьа сара сахь». Даргьы иара иахь инаскьеит.
Усҟан ус реиҳәеит: «Сара Египетҟа ишәҭииз шәашьа Иосиф соуп. 5 Аха уажәшьҭа уи хьаас ишәымкын, арахь сахьышәҭииз шәхы ахара адшәымҵан, избанзар Анцәа шәара шәаԥхьа сишьҭит, шәыԥсҭазаара еиқәирхарц азы. 6 Абар уажәшьҭа ҩышықәса ҵуеит ари адгьыл аҿы амлакра ыҟоижьҭеи, даҽа хәышықәса ацәаӷәареи аҭагалареи зыҟалаӡом. 7 Анцәа шәара шәаԥхьа сааишьҭит, имч ду аарԥшны ари адгьыл аҿы шәҭаацәарақәа ихьчарц азы, шәыԥсҭазаарагьы еиқәирхарц азы. 8 Шәара шәакәӡам арахь саазышьҭыз, Анцәа ду иоуп. Иара афараон ихадоу иабжьгаҩыс* сҟаиҵеит, иҩны еиҳабыс саиҭеит, Египет зегьы сахаиргылеит.
9 Ирласны саб иахь шәхынҳәы, иагьиашәҳәа: „Абас иҳәоит уҷкәын Иосиф: ‚Анцәа Египет зегьы сахаиргылеит. Ирласны уааи сара сахь. 10 Уара Гоше́н адгьыл аҿы унхалоит, сааигәарагьы уҟазаауеит, уҷкәынцәеи, уареи, умоҭацәеи, урахә-ушәахәи, иааумоу зегьы. 11 Уа сара уаргьы, уҭаацәагьы, иара убас иумоу зегьы афатә шәысҭалоит, иааумоу зегь уцәымӡырц азы, избанзар амлакра даҽа хәышықәса иҟазаауеит‘“. 12 Уажәшьҭа шәаргьы ижәбоит сашьа Вениамингьы ибоит ишәацәажәо сара шсакәҵәҟьоу. 13 Изеиҭашәҳәа саб Египет исымоу ахьӡ-аԥшеи, ижәбази, ишәаҳази. Шәааласы, шәцаны саб арахь даажәга».
14 Иосиф иашьа Вениамин дааигәыдиҳәҳәалан, аҵәыуара далагеит, Вениамингьы Иосиф данигәыдиҳәҳәалоз дҵәыуон. 15 Иосиф дҵәыуо иашьцәа зегь гәыдикылеит. Нас иашьцәа иацәажәара иалагеит.
16 Иосиф иашьцәа шааз афараон иҩнаҭа аҟынӡа инеит. Афараони имаҵуцәеи уи иеигәырӷьеит. 17 Афараон Иосиф ус иеиҳәеит: «Уашьцәа абас раҳә: „Аҽадақәа* афатә рықәҵаны Ханаа́нҟа шәдәықәла, 18 шәаби шәҭаацәеи шәыманы сара сахь шәаа. Сара Египет бзиарас иҟоу зегь шәара ишәысҭоит, ари адгьыл иунаҭо зегь иреиӷьу аҽаҩра* шәфалоит“. 19 Абас раҳә: „Египетынтәи шәхәыҷқәеи шәыҳәсеи рзы ауардынқәа жәга, руак шәаб дақәыртәаны арахь шәаа. 20 Шәмазара хьаас ишәымкын, избанзар Египет бзиарас иҟоу зегь шәара ишәтәхоит“».
21 Израиль иԥацәа убас иагьыҟарҵеит, Иосиф, афараон ишиҳәаз еиԥш, урҭ ауардынқәа риҭеит, амҩан ирфашагьы риҭеит. 22 Иара зегьы амаҭәа ҿыцқәа риҭеит, Вениамин 300 шекель* араӡны ииҭеит, аҽыԥсахга маҭәақәагьы хәба ииҭеит. 23 Иаб изы египеттәи аҳамҭақәа зқәиҵаз жәа-ҽадаки иаб амҩан иифаша ачарыци*, ачеи, афатәи зқәиҵаз жәа-ҽадаки ишьҭит. 24 Нас иашьцәа амҩан шәмеибаргәаан ҳәа реиҳәан, идәықәиҵеит.
25 Даргьы Египетынтәи иаб Иаков иахь Ханаа́нҟа ихынҳәит. 26 Дара ус иарҳәеит: «Иосиф иԥсы ҭоуп, Египет зегь дахагылоуп!» Аха ражәақәа Иаков игәахьгьы инеимгеит, избанзар иԥацәа рыгәра имгаӡеит. 27 Иосиф ииҳәаз зегь Иаков ианизеиҭарҳәа, дыргарц азы иааишьҭыз ауардынқәагьы аниба, иԥсы ҭалеит. 28 Израиль ҿааиҭит: «Уажәшьҭа сыҷкәын Иосиф иԥсы шҭоу агәра згоит! Сцаны сыԥсаанӡа дызбароуп!»
46 Израиль имаз зегь* аашьҭихын амҩа дықәлеит. Бее́р-Ше́ва даннеи, иаб Исаак Инцәа акәырбан изнеигеит. 2 Усҟан Анцәа Израиль уахынла аԥхыӡ еиԥш ак иирбан: «Иаков, Иаков!» — ҳәа изҿиҭит. — «Сӡырҩуеит», — иҳәеит иара. 3 Анцәа иҳәеит: «Сара уаб Инцәа, Анцәа ду соуп. Египетҟа ацара уацәымшәан, сара уа ужәла́р дуны уҟасҵоит. 4 Сара схаҭа Египетҟа суццоит, схаҭа уантәи уалызгоит, Иосиф инапала улақәа аиркуеит*».
5 Уи ашьҭахь Иаков Бее́р-Ше́вантәи дцеит. Израиль иԥацәа раби, рхәыҷқәеи, рыҳәсеи афараон раб изы иааишьҭыз ауардынқәа ирықәыртәаны иргеит. 6 Дара рырахә-рышәахәи Ханаа́н еидыркылаз рмазареи шьҭырхит. Убас Иаков иҭаацәа иманы Египет днеит. 7 Иара Египетҟа ихылҵыз зегьы — иԥацәеи, иԥҳацәеи, имоҭацәеи — ааигеит.
8 Абар Египетҟа иааз Израиль иԥацәа — Иаков иԥацәа: Иаков иԥеиҳаб Руви́м.
9 Руви́м иԥацәа: Хано́х, Па́ллу, Хецро́н, Ха́рми.
10 Симеон иԥацәа: Иемуи́л, Иами́н, Ога́д, Иахи́н, Цоха́р, Ханаа́н иатәыз аԥҳәыс лԥа Сау́л.
11 Ле́ви иԥацәа: Гершо́н, Каа́ф, Мера́ри.
12 Иуда иԥацәа: Ир, Она́н, Ше́ла, Фаре́с, Зера́х. Аха И́ри Она́ни Ханаа́н иԥсит.
Фаре́с иԥацәа: Хецро́н, Хаму́л.
13 Иссаха́р иԥацәа: То́ла, Пу́ва, Иов, Шимро́н.
14 Завуло́н иԥацәа: Сере́д, Ело́н, Иахлеи́л.
15 Арҭ Лиа лԥацәа роуп, лыԥҳа Дина леиԥш Иаков иҟынтә Падда́н-Ара́м илоуз. Аԥацәеи аԥҳацәеи 33-ҩык ыҟан.
16 Гад иԥацәа: Цифио́н, Ха́гги, Шу́ни, Ецбо́н, Е́ри, Аро́ди, Аре́ли.
17 Асир иԥацәа: И́мна, И́шва, И́шви, Бе́риа. Раҳәшьа Сера́х лакәын.
Бе́риа иԥацәа: Хеве́р, Малхии́л.
18 Арҭ Лава́н иԥҳа Лиа илиҭаз Зе́лфа лԥацәа роуп. Лара урҭ Иаков иҟынтә илоуит. Урҭ 16-ҩык ыҟан.
19 Иаков иԥҳәыс Рахиль лԥацәа: Иосиф, Вениамин.
20 Иосиф Египет Мана́ссиеи Ефреми ихылҵит. Урҭ ақалақь Он* аныхаԥааҩ Потифе́р иԥҳа Асене́фа илхылҵит.
21 Вениамин иԥацәа: Бе́ла, Бехе́р, Ашбе́л, Ге́ра, Наама́н, Е́хи, Рош, Муппи́м, Хуппи́м, Ард.
22 Арҭ Рахиль Иаков иҟынтә илхылҵыз лԥацәа роуп. Урҭ 14-ҩык ыҟан.
23 Дан иԥа: Хуши́м.
24 Неффали́м иԥацәа: Иахцеи́л, Гу́ни, Иеце́р, Шилле́м.
25 Арҭ Лава́н иԥҳа Рахиль илиҭаз Ва́лла лԥацәа роуп. Лара урҭ Иаков иҟынтә илхылҵит. Урҭ 7-ҩык ыҟан.
26 Египетҟа иааз Иаков ихшара, иԥацәа рыҳәса аламҵаӡакәа, 66-ҩык ыҟан. 27 Иосиф Египет ҩыџьа аԥацәа ихылҵит. Египетҟа иааз Иаков иҩнаҭа иатәыз зегьы 70-ҩык ыҟан.
28 Иаков Иосиф иахь Иуда дишьҭит Гоше́нҟа анеира дшаҿу иеиҳәарц. Гоше́н ианнеи, 29 Иосиф аҽыуардын дырмазеирц адҵа ҟаиҵан, иаб Израиль диԥыларц ддәықәлеит. Иаб даниба, ихәда иҽахажьны акыраамҭа дҵәыуон. 30 Израиль Иосиф ус иеиҳәеит: «Уажәшьҭа узбеит, уԥсы шҭоу здыруеит, уажәшьҭа сыԥсыргьы сылшоит».
31 Нас Иосиф иашьцәеи иаб иҩнаҭа иатәызи ус реиҳәеит: «Афараон иахь сцаны ус иасҳәоит: „Ханаа́н инхоз сашьцәеи саб иҩнаҭа иатәуи ааит. 32 Арҭ ауаа хьчацәоуп, дара арахә-ашәахә рааӡоит, рыԥсасеи ршьамаҟеи, иара убас ирымаз зегьы рыманы иааит“. 33 Афараон шәнаганы шәнапы злакәуи ҳәа даншәазҵаалак, 34 ус шәҳәа: „Умаҵуцәа ихәыҷаахыс арахә-ашәахә рааӡоит. Ҳара ҳабацәа рабацәа реиԥш ҳахьчацәоуп“. Усҟан Гоше́н адгьыл аҿы шәындырхоит, избанзар египтаа ауасақәа зыхьчо хәынгаршьоит».
47 Иосиф дцан, афараон ус иеиҳәеит: «Саби сашьцәеи рырахә-рышәахә, рмазара зегьы рыманы Ханаа́нынтәи иааит, уажәы Гоше́н адгьыл аҿы иҟоуп». 2 Иара хәҩык иашьцәа афараон иабаирдырит.
3 Афараон Иосиф иашьцәа дразҵааит: «Шәнапы злакәуи?» Дара афараон ус иарҳәеит: «Уара умаҵуцәа ауасақәа рыхьчоит. Ҳара ҳахьчацәоуп ҳабацәа рабацәа реиԥш». 4 Нас дара афараон ус иарҳәеит: «Ҳара арахь нхара ҳааит, избанзар ханаантәи адгьыл аҿы амлакра ӷәӷәа ыҟоуп, умаҵуцәа рыԥсаса ахьҳәуа рымаӡам. Ҳуҳәоит, иҟалозар, умаҵуцәа азин рыҭ Гоше́н адгьыл аҿы анхара». 5 Афараон Иосиф ус иеиҳәеит: «Уаби уашьцәеи узааит. 6 Египет зегь унапаҿы иҟоуп. Уаби уашьцәеи зегь иреиӷьу аҭыԥ аҿы инырха, инхалааит Гоше́н адгьыл аҿы, дара рыбжьара зус бзианы издыруа аӡәыр дыҟазар, сырахә рнапы ианҵа».
7 Уи ашьҭахь Иосиф иаб Иаков афараон диабаирдырит, Иаковгьы афараон диқәныҳәеит. 8 Афараон Иаков шаҟа ухыҵуеи ҳәа диазҵааит. 9 Иаков афараон ус иеиҳәеит: «Сара адунеи сықәуижьҭеи 130 шықәса ҵуеит. Сыԥсҭазаара кьаҿын, уадаҩрала иҭәын. Сара сабацәа рабацәа ҭыԥк аҟынтә даҽа ҭыԥк ахь ииасуа шаҟа шықәса нырҵаз аасҭа еиҵаны сынхоит». 10 Уи ашьҭахь Иаков афараон диқәныҳәан, ддәылҵит.
11 Иосиф, афараон ишиҳәаз еиԥш, иаби иашьцәеи Египет инирхеит, зегь иреиӷьыз аҭыԥ аҿы, Раамсе́с адгьыл аҿы, аҭыԥқәа риҭеит. 12 Иосиф иаби, иашьцәеи, иаб иҩнаҭа иатәызи афатә* риҭон, ҭаацәарацыԥхьаӡа шаҟаҩы ахәыҷқәа ыҟаз аҟара убриаҟара риҭон.
13 Уи адгьыл зегь аҿы афатә* нҵәеит, избанзар амлакра даара иӷәӷәан, Египети Ханаа́ни амлакра иҭанарцәит. 14 Иосиф ауаа ачарыц* дааирхәон, Египети Ханаа́ни еизигоз аԥара афараон иҩныҟа инеигон. 15 Египети Ханаа́ни аԥара анынҵәа, египтаа зегь Иосиф иахь иааны абас аҳәара иалагеит: «Афатә ҳаҭ! Аԥара ҳамам ҳәа абра ишубо ҳаԥсраны ҳзыҟои?» 16 Усҟан Иосиф ус иҳәеит: «Аԥара нҵәазар, арахә аашәцала, афатә арахә иаҭнысыԥсахлоит». 17 Даргьы Иосиф иахь рырахә аацара иалагеит. Иосиф афатә аҽқәеи, аԥсасеи, ашьамаҟеи, аҽадақәеи ирыҭниԥсахуа далагеит. Уи ашықәсазы иара ауаа афатә риҭон, дара рырахә ирҭон.
18 Уи ашықәс нҵәеит, адырҩашықәсан иара иахь иааны ус иаҳәара иалагеит: «Ҳаԥшәма ицәаҳӡаӡом ҳԥарақәеи ҳарахәи ҳаԥшәма ишиаҳҭахьоу. Ҳаԥшәма изы уаҳа акгьы ҳазнымхаӡеит, ҳхаҭақәеи ҳадгьылқәеи рыда. 19 Ишубо ҳаԥсраны ҳзыҟои, ҳадгьылқәагьы ықәӡаараны изыҟои? Афатә ҳаҭаны ҳадгьылқәеи ҳареи ҳаахә, усҟан ҳара афарон имаҵуцәа ҳакәзаауеит, ҳадгьылқәагьы иара итәхоит. Иҳаҭ ажәла, ҳамԥсырц азы, ҳадгьылқәагьы мҭацәырц азы». 20 Усҟан Иосиф афараон изы египтаа рыдгьылқәа зегь ааихәеит, избанзар амлакра ӷәӷәа иахҟьаны египтаа зегьы рыдгьылқәа рҭиит. Убас адгьыл афараон итәхеит.
21 Египет ахьынӡанаӡааӡоз инхоз ауаа зегьы Иосиф ақалақьқәа рҿы инирхеит. 22 Иара аныхаԥааҩцәа рыдгьылқәа рыда зегь ааихәеит, избанзар урҭ афараон афатә риҭон, иара ириҭоз ала рхы ныҟәыргон. Убри аҟынтә дара рыдгьылқәа рымҭиӡеит. 23 Иосиф ажәлар ус реиҳәеит: «Уажәшьҭа сара шәаасхәеит, шәыдгьылқәагьы афараон изы иаасхәеит. Ижәга ажәла, илашәҵа амхқәа. 24 Аҽаҩра аныҟалалак, ахәбатәи ахәҭа афараон ишәҭоит, ԥшь-хәҭак жәлаҵаси шәхәыҷқәеи, шәареи, шәыҩнаҭа иатәуи рзы фатәыси иншәыжьуеит». 25 Дара ирҳәеит: «Ухаҵкы, уара ҳаԥсы еиқәурхеит. Уразра ҳаур, афараон имаҵуцәа ҳакәхоит». 26 Иосиф Египет иахьа уажәраанӡа аус зуа аусԥҟа аԥиҵеит: аҽаҩра ахәбатәи ахәҭа афараон итәуп. Аныхаԥааҩцәа рыдгьыл заҵәык ауп афараон иахь имиасыз.
27 Израильаа Египет иаанхеит, Гоше́н адгьыл аҿы. Дара уа анхара иалагеит, ахшара роуит, рхыԥхьаӡарагьы рацәахеит. 28 Иаков Египет 17 шықәса дынхон. Иара 147 шықәса ниҵит.
29 Израиль иԥсра аамҭа анааи, иԥа Иосиф дааиган, ус иеиҳәеит: «Уразра саԥсахазар, суҳәоит, унапы суаҭәа иаҵаҵаны, уқәны ажәа сыҭ Египет анышә сшаумҭо. Убасҟан гәыбылрала иҭәу бзиабарала бзиа сшубо, суқәгәыӷыртә ушыҟоу шьақәурӷәӷәоит. 30 Саныԥслак, Египет салганы, сабацәа рабацәа анышә иахьамоу анышә саҭ». Иосиф иҳәеит: «Ишуҳәаз еиԥш иҟасҵоит». 31 Усҟан Израиль иҳәеит: «Уқәы». Иосифгьы дқәит. Уи ашьҭахь Израиль ииарҭа аханы дхырхәеит.
48 Ԥыҭрак ашьҭахь Иосиф абас изынарыцҳаит: «Уаб имчқәа каԥсеит». Усҟан иара ҩыџьа иԥацәа, Мана́ссиеи Ефреми, иманы иара иахь дцеит. 2 Иаков ус иарҳәеит: «Уҷкәын Иосиф дузааит». Израиль имчқәа ааизиган, ииарҭа днықәтәеит. 3 Иаков Иосиф ус иеиҳәеит:
«Зегьзымчу Анцәа Луз ақалақь аҿы дсызцәырҵит, ханаантәи адгьыл аҿы, дагьсықәныҳәеит. 4 Иара иҳәеит: „Сара иухылҵуа сыррацәоит. Ажәлар ду ухылҵыртә иҟасҵоит. Ари адгьыл наӡаӡа иухылҵуа иртәхарц азы ирысҭоит“. 5 Уажәшьҭа Египетҟа саанӡа иуоуз ҩыџьа уԥацәа сара сԥацәа ракәхоит. Ефреми Мана́ссиеи Руви́ми Симеони реиԥш сара истәхоит. 6 Урҭ рышьҭахь иухылҵуа ахәыҷқәа уара иутәхоит. Дара уашьцәа рыхьӡ рхызаауеит, насгьы урҭ ирҭынхо адгьыл аҟынтә рыхәҭаа роуеит. 7 Падда́нынтәи амҩа санықәыз, Ефра́фанӡа акыр шыбжьаз ханаантәи адгьыл аҿы уан Рахиль дыԥсит. Сара уи Ефра́фаҟа, даҽакала иуҳәозар, Вифлеемҟа, ицоз амҩаҿы анышә дасҭеит».
8 Нас Израиль Иосиф иԥацәа днарыхәаԥшын: «Изусҭцәада арҭ?» — ҳәа дҵааит. 9 Иосиф иаб ус иеиҳәеит: «Арҭ ари адгьыл аҿы Анцәа исиҭаз сԥацәа роуп». Усҟан Израиль иҳәеит: «Суҳәоит, арахь исзааг, сырзылԥхарц азы». 10 Израиль данажәы илақәа цеит, акгьы имбо аҟынӡа днеит. Иосиф иаб иахь иҷкәынцәа неигеит, иаргьы урҭ ааигәыдиҳәҳәалан игәӡит. 11 Израиль Иосиф ус иеиҳәеит: «Сара уара узбоит ҳәагьы сгәыӷуамызт, Анцәа ухәыҷқәагьы рбара сылиршеит». 12 Иосиф Израиль ишьамхқәа рааигәара игылаз ихәыҷқәа наскьеиган, иара дшьамхышгыланы дхырхәеит.
13 Нас Иосиф иарӷьа напала Ефрем дыкны, иарма напала Мана́ссиа дыкны, аҩыџьагьы Израиль иааигәара инеигеит. Ефрем Израиль иармарахь диргылеит, Мана́ссиа Израиль иарӷьарахь диргылеит. 14 Израиль иарӷьа напы Ефрем ихы иақәиҵеит, уи дшеиҵбызгьы, иарма напы Мана́ссиа ихы иақәиҵеит. Иара уи идырны ауп ишыҟаиҵаз, аԥеиҳаб Мана́ссиа шиакәызгьы. 15 Нас Иосиф дизылԥхан, ус иҳәеит:
«Сабацәа Авраами Исааки зымаҵ руаз Анцәа ду,
Сыԥсы ҭанаҵы иахьа уажәраанӡа исхылаԥшуаз Анцәа ду,
16 Арыцҳарақәа зегь рҟынтә сзыхьчо амаалықь, аҷкәынцәа урзылԥха.
Ирхызааит дара сыхьӡи сабацәа Авраами Исааки рыхьӡи,
Ирацәахааит адгьыл аҿы рыхшарагьы».
17 Иосиф иаб иарӷьа напы Ефрем инапы ихы ишақәиҵаз аниба, игәамԥхаӡеит. Убри аҟынтә иаб инапы шьҭихит, Ефрем ихы иақәхны, Мана́ссиа ихы иақәиҵарц азы. 18 Иосиф иаб ус иеиҳәеит: «Ус акәӡам, саб, аԥеиҳаб абри иоуп. Уарӷьа напы убри ихы иақәҵа». 19 Аха иаб имукәа ус иҳәеит: «Издыруеит, сыҷкәын, издыруеит. Уигьы ажәлар ихылҵуеит, иаргьы дуаҩ духоит. Аха уеизгьы иашьеиҵбы иара иаасҭа деиҳахоит, ихылҵуагьы жәларык-жәларык ҟалоит». 20 Убри аҟынтә уи аҽны дырзылԥхан, абас иҳәеит:
«Израильаа анеиқәныҳәо, шәыӡбахә ҳәо абас рҳәалааит:
„Анцәа Ефреми Мана́ссиеи реиԥш уҟаиҵааит“».
Убас иара Ефрем Мана́ссиа иаасҭа дҳареикит.
21 Уи ашьҭахь Израиль Иосиф ус иеиҳәеит: «Сара сыԥсуеит. Аха Анцәа дшәыцзаауеит, иара шәабацәа рыдгьыл ахь шәирхынҳәуеит. 22 Сара уашьцәа раасҭа дгьылк еиҳаны иусҭоит. Ари адгьыл сара аҳәеи ахәымпали рыла аморе́иаа ирцәызгеит».
49 Иаков иԥацәа ааиԥхьан, ус реиҳәеит: «Шәеиза зегьы. Сара аԥхьаҟа* ишәԥеиԥшу шәзеиҭасҳәоит. 2 Шәааины шәӡырҩы, Иаков иԥацәа, шәаб Израиль ииҳәо шәазыӡырҩы.
3 Руви́м, уара сԥеиҳаб уоуп, сымч, сха́ҵара алагамҭа. Уара зегь реиҳа пату зқәыз, зегь реиҳа иӷәӷәаз уакәын. 4 Уара уашьа уиаԥысӡом, избанзар нкылашьа змам арҩашқәа реиԥш унеины уаб ииарҭа улаиеит. Ааи, иара иаб иԥҳәыс длыцышьҭалеит. Абри аҩыза ҟаиҵеит!
5 Симеони Ле́вии еишьцәоуп. Урҭ раҳәақәа агәымбылџьбарара иабџьаруп. 6 Рааигәара умнеин, сыԥсы*, урыцымлан, сыхьӡ-сыԥша*, избанзар дара ргәы ԥжәаны ауаа ршьит, ргәы дырҿыхарц азы ацәқәа рҟәаҟәеит*. 7 Ишәиизааит ргәыԥжәара рҽаҭаны ацәгьара ахьыҟарҵоз азы, рыԥсахы еибакны, рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа ауаа ахьыршьуаз азы. Сара урҭ Иаков идгьыл аҿы исшоит, Израиль идгьыл иԥсаҟьаны иаласҵоит.
8 Иуда, уара уашьцәа удырҽхәоит, уаӷацәа уриааиуеит, уаб иԥацәа уеихырхәоит. 9 Иуда алым ԥшқа иоуп. Уара иуԥыхьашәаз ыфаны уцоит, сыҷкәын. Иара алым еиԥш дышьҭаланы иҽирххоит, иргәамҵра згәаӷьуада? 10 Иуда аҳратә лабашьа имырхӡом, ишьапаҿы еснагь аиҳабы илабашьа ыҟазаауеит, уи зтәу* даанӡа. Усҟан ажәларқәа зегьы изыӡырҩлоит. 11 Иара иҽада аӡахәа иадҿеиҳәалоит, аԥа — зегь иреиӷьу аӡахәа иадҿеиҳәалоит. Иара имаҭәа аҩы ала иӡәӡәалоит, ишәҵатәы — ажьырӡала. 12 Илақәа аҩы иҟаԥшьы-уаркалеиуа иҟанаҵеит, ахш ихаԥыцқәа иҟәашкакараӡа иҟанаҵеит.
13 Завуло́н амшын аԥшаҳәаҿы дынхалоит, аӷбақәа рԥырсалқәа лашьҭны иахьгылоу аԥшаҳәаҿы. Инахароу иҳәаа Сидон аган ахь иҟазаалоит.
14 Иссаха́р зыбӷа ҩ-макәанк ақәу аҽада ӷәӷәа иоуп. 15 Иара ибоит уи аҭыԥ аҿы анхара шыбзиоу, адгьылгьы шыԥшӡоу. Иара аидара агара дазхиазаауеит, амаҵуҩы иеиԥш аџьабаа абара дақәшаҳаҭхоит.
16 Дан, израильтәи абиԥарақәа иреиуоу, ижәлар рус иӡбалоит. 17 Дан амҩаҿы ишьҭоу амаҭ иакәхааит, амҩахәасҭаҿы ишьҭоу атәыҩа зхагылоу амаҭ. Иара аҽы ашьапы иацҳауеит, аҽыуаҩгьы дканажьуеит. 18 Иегова, сара ҳанеиқәурхо аамҭа сазыԥшызаауеит.
19 Гад гәыԥҩыла арҳәцәа иқәлалоит, иара урҭ дрышьҭаланы иԥхеиҵалоит.
20 Аси́р меигӡарахда ача* имазаауеит. Иара ауаа аҳцәа ираҭәоу афатә риҭалоит.
21 Неффали́м иԥшӡоу шьабысҭоуп, иара ажәа ԥшӡақәа иҳәоит.
22 Иосиф ашәыр зҿало аҵла амахәҭа иоуп, аӡыхь аҿы игылоу аҵла амахәҭа, зымахәҭақәа аҭӡамцқәа иркыдло. 23 Ахысыҩцәа ишьҭашәарыцон, иеихсуан, игәаӷ ркуан. 24 Ихыц шеиҵыхыз иаанхеит, инапқәа тартаруа ишыӷәӷәац иӷәӷәан, ишеилҟьаз еилҟьан. Уи зегь зыбзоуроу Иаков ицхраауа иӷәӷәоу иоуп, Израиль Ицаҟьа, Ихьчаҩ. 25 Иара* уаб зымаҵ иуа иуцхраауа ҳамҭоуп. Иара Зегьзымчу Анцәа дицуп. Анцәа ажәҩан аҟынтәгьы адгьыл аҵа аҟынтәгьы азылԥхарақәа уиҭоит, ахылҵ рацәа уиҭоит, урахә-ушәахәгьы иррацәоит*. 26 Уаб изылԥхарақәа наӡаӡа иҟоу ашьхақәеи шәышықәсала иҟоу ахәқәеи иреиҳахоит. Урҭ азылԥхарақәа Иосиф ихаҿы есымша иҟазаауеит, аишьцәа рҟынтә иалху ихагәҭаҿы.
27 Вениамин ақәыџьма еиԥш ашәарах еимижәжәалоит. Иара ашьыжь иикыз аԥстәы ифалоит, ахәылбыҽха иикыз — ишалоит».
28 Абарҭ роуп израильтәи 12 биԥара зхылҵыз. Арҭ ажәақәа раб данырзылԥхоз иреиҳәаз роуп. Иара дасу иқәнагаз азылԥхара ииҭеит.
29 Уи ашьҭахь иара ус реиҳәеит: «Сара уажәшьҭа сыԥсуеит. Ахе́тт Ефро́н идгьыл аҿы иҟоу аҳаԥаҿы ижу сабацәа рааигәара анышә сашәҭ, 30 ханаантәи адгьыл аҿы Ма́мре азааигәара адгьыл Махпе́ла иҟоу аҳаԥаҿы, Авраам иԥсцәа ахьижша ахе́тт Ефро́н иҿы иааихәаз адгьыл аҿы. 31 Уброуп Авраами иԥҳәыс Сарреи ахьжу, уброуп Исааки иԥҳәыс Ревеккеи ахьжу, уброуп Лиагьы дахьызжыз. 32 Уи адгьыли уа иҟоу аҳаԥи хе́ттаа рҿы иаахәан».
33 Иаков иԥацәа дрылабжьан, ииҳәарц ииҭахыз ҳәаны далгеит. Нас ииарҭа днықәиан*, дыԥсит, ижәлар иҽрыдикылеит*.
50 Иосиф иаб иҽиқәижьын, дҵәыуо игәӡра далагеит. 2 Нас Иосиф имаҵ зуаз аҳақьымцәа иреиҳәеит аԥсы ддырмазеирц*. Аҳақьымцәагьы Израиль ддырмазеит. 3 Уи азы 40 мшы рҭаххеит, убри аҟара мшы аҭахын аԥсы ддырмазеирц азы. Египтаа аԥсы 70 мшы дырҵәыуон.
4 Аԥсы иҵәыуара ианаҟәыҵ, Иосиф ичынуаа ус реиҳәеит: «Шәыразра саԥсахазар, афараон абас сызиашәҳә: 5 „Саб ус сеиҳәеит: ‚Сара уажәшьҭа сыԥсуеит. Уқәны ажәа сыҭ Ханаа́н исырмазеиз аҭыԥ аҿы анышә сшауҭо‘. Суҳәоит, сцаны саб ижра азин сыҭ, нас схынҳәны саауеит“». 6 Афараон иҳәеит: «Уцаны уаб анышә даҭ, иуҭаз ажәагьы нагӡа».
7 Иосиф иаб ижра дцеит. Уахь иццеит афараон имаҵуцәа зегьы, аҭыԥ ду аанызкылоз ачынуаа*, Египет аиҳабацәа зегьы, 8 Иосиф иҩнаҭа иатәыз зегьы, иашьцәеи иаб иҩнаҭа иатәызи. Гоше́н адгьыл аҿы иаанхаз рхәыҷқәеи рырахәи роуп. 9 Иара убас аҽыуардынқәеи аҽыуааи ицын. Аԥсы жәларык ауаа днаскьаргон. 10 Дара Иордан азааигәара иҟаз Ата́д захьӡыз ачарыц* ахьырҭәаҭәоз аҭыԥ аҟынӡа инеит. Уа рыбжьы рдуны аҵәыуара иалагеит. Иосиф иаб бжьымшы диҵәыуон. 11 Уи адгьыл аҿы инхоз ауаа, ханаа́наа, Ата́д иҵәыуоз ауаа анырба, ус рҳәеит: «Египтаа аҵәыуара ду рымоуп!» Убри азы Иордан иазааигәаз уи аҭыԥ Аве́л-Мицраи́м* ахьӡырҵеит.
12 Аҷкәынцәа раб ишиҳәаз еиԥш зегь ҟарҵеит. 13 Дара уи Ханаа́нҟа дырган, Ма́мре азааигәара иҟаз Махпе́ла аҳаԥаҿы анышә дарҭеит. Уи адгьыл Авраам ахе́тт Ефро́н иҿы иааихәахьан, иԥсцәа ижларц азы. 14 Иаб даниж ашьҭахь, Иосиф иашьцәеи ицыз зегьи иманы Египетҟа дхынҳәит.
15 Раб данԥсы ашьҭахь Иосиф иашьцәа ус рҳәеит: «Иосиф ҳгәаӷ имазар ауеит, иудыруеи, изаҳуз азы ишьа иур иҭахызар?» 16 Усҟан Иосиф абас иарҳәарц аҳәара ҟарҵеит: «Уаб дыԥсаанӡа абас ҳаиҳәеит: 17 „Иосиф абас иашәҳәароуп: ‚Сыҷкәын, уашьцәа иҟарҵаз иашаӡамызт, аха суҳәоит, иузыруз зегь ранажь‘“. Убри аҟынтә, ҳуҳәоит, уаб Инцәа имаҵуцәа рыгха ранажь». Иосиф уи аниарҳәа, аҵәыуара далагеит. 18 Нас иашьцәа иара иахь инеин, ишьамхышгылан, ус рҳәеит: «Ҳара умаҵуцәа ҳауп!» 19 Иосиф ус реиҳәеит: «Шәымшәан. Сара Сынцәоума? 20 Шәара ацәгьара сзыжәур шәҭахын, аха Анцәа иӡбеит уи абзиара алихырц, уажәы ишыҟаиҵо еиԥш ирацәаҩны ауаа еиқәирхарц. 21 Убри аҟынтә шәымшәан. Сара шәхәыҷқәеи шәареи афатә шәыгсыжьӡом». Убас иара урҭ ргәы ирҭынчит.
22 Иосиф Египет дшынхац дынхон, иаргьы иаб иҩнаҭа иатәызгьы. Иосиф 110 шықәса ниҵит. 23 Иара Ефрем иԥацәа ахԥатәи абиԥара аҟынӡа ибеит, иара убас ибеит Мана́ссиа иԥа Махи́р иԥацәагьы. Иосиф урҭ ихәыҷқәа гәакьақәа реиԥш ибон*. 24 Иосиф иашьцәа ус реиҳәеит: «Сара сыԥсуеит, аха Анцәа хымԥада дшәыцхраауеит. Иара ари адгьыл шәалганы, Авраами Исааки, Иакови дықәны изықәиргәыӷхьаз адгьыл ахь шәнеигоит». 25 Убри аҟынтә Иосиф Израиль иԥацәа ус реиҳәеит: «Анцәа хымԥада дшәыцхраауеит. Шәықәны ажәа сышәҭ убасҟан сыбаҩқәа ари адгьыл иалганы ишыжәго». 26 Иосиф 110 шықәса анихыҵуаз дыԥсит. Аԥсы ддырмазеин, Египет акәыба дҭарҵеит.
Ма «имч».
Ма «атмосфера».
Даҽакала иуҳәозар, иубартә иҟаиҵеит. Ауриатә ҟаҵарба ари ажәеинраалаҿы Алагамҭа 1:1, 21, 27, насгьы 2:3 рҿы иаагоу ажәа «ашара» иеиԥшӡам.
Ма «амш напхгара азнауларц».
Ма «аҵх напхгара азнауларц».
Ма «напхгара рзыруларц».
Ма «жәҩантәи аиужьраҿы адгьыл иахаԥырлааит».
Иҟалап зыӡбахә ҳәоу иҳәазо ашамҭақәа ракәзар, иара убас аҩнатә ԥстәқәеи, абнатә ԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи, аԥсыӡқәеи рахь иаҵанамкуа егьырҭ ашамҭақәа ракәзар.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «дҟаҳҵап».
Ма «шәықәаарыхла».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «урҭ рыр».
Раԥхьаӡа акәны Анцәа ихьӡ יהוה (ЙХВХ) атекст аҿы иахьуԥыло аброуп. Шәахәаԥш Ацҵа А4.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «зыԥсыԥ лазга—ҩазго шамҭаны». Ауриатә ажәа не́феш. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Аԥсы».
Ма «асмолеи».
Ма «Тигр».
Ахаҵеи аԥҳәыси ҳәа еиҭагоу ауриатә ажәақәа рҳәашьақәа еиԥшуп. «Ахаҵа» — ауриатә ажәа иш; «аԥҳәыс» — ауриатә ажәа ишша́
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «длыдҷаблоит».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «цәеижькны».
Ма «зегь раасҭа игызмалыз».
Иаанагоит «ауаҩы, ауаатәыҩса».
Ма «гәаҟрыла».
Иаанагоит «инхо».
Аԥстәқәа рцәа.
Иҟалап уи егьырҭ ргәырҽанызҵоз Анцәа иусԥҟа акәызҭгьы.
Иаанагоит «ақәцара».
Ма «дысзалихит».
Иаанагоит «иалху; ишьақәыргылоу; иуҭоу».
Ма «Адам; ауаатәыҩса».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Анцәа дицын». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анцәа ду».
Иҟалап иаанагозар «аԥсшьара; агәырҭынчра».
Ма «агәырҭынчра».
Амаалықьцәа ирыҵанакуа ауриатә идиома.
Ма «рцәаҩа ирыҵанаҳәо ауп иҟарҵо».
Иҟалап иаанагозар «ушьапы уқәзырҟьо». Шәахәаԥш Ажәар.
Ма «илахь еиқәнаҵеит».
Анцәа ииҭахыз ҟаиҵон.
Аиашьык дуӡӡа. Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ашәындыҟәра».
Ма «асфальт». Асфальт еиқәаҵәоуп, адгьыл иҵыҵуеит.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «300 мышьхәылҵ». Шәахәаԥш Ажәар. Иара убас шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «50 мышьхәылҵ».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «30 мышьхәылҵ».
Иҟалап ари амышьхәылҵ 44 см раҟара иҟазҭгьы. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Ауриатә ажәа цо́хар. Шьоукы ргәаанагарала цо́хар алашара ахьынтәаауа аԥенџьыр ма акылҳара акәӡам, мышьхәылҵк иҟоу инаау ахыб ауп.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аԥсҭазаара аԥсыԥ лазга-ҩазго».
Мамзаргьы иҟалап «быжь-ҷкәынки быжь-ӡӷабки».
Мамзаргьы иҟалап «быжь-ҷкәынки быжь-ӡӷабки».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аԥсҭазаара аԥсыԥ лазга-ҩазгоз».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «15 мышьхәылҵ».
Ара зыӡбахә цо гәыԥ-гәыԥла инхо аԥстә хәыҷқәа ракәзар ҟалап.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «дигәалашәеит».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «узырҭынчуа афҩы».
Ма «аԥшаҳәаҿы ишьҭаз адгьылқәа».
Мамзаргьы иҟалап «урҭ ақалақь ду рылҵит».
Мамзаргьы иҟалап «Сим Иафе́т иашьеиҳаб иакәын».
Иаанагоит «аҩшара».
Ма «адгьыл иқәынхо».
Асфальт еиқәаҵәоуп, адгьыл иҵыҵуеит.
Иаанагоит «аилагара».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «адгьыл зегь абызшәа еилеигеит».
Ма «арыцҳара».
Иордан аԥшаҳәа аҟынтә Цоа́рынӡа ишьҭаз аҳабла.
Иԥсу амшын.
Иҟалап аҩбатәи ажәеинраалаҿы зыӡбахә ҳәоу хәҩык аҳцәа ракәзар.
Асфальт еиқәаҵәоуп, адгьыл иҵыҵуеит.
Ма «ақьалақәа рҿы дынхон».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иашьа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «снапы шьҭысхуеит».
Ма «аморе́иаа рыгәнаҳа макьана ихамҭәааӡацт».
Иаанагоит «Анцәа иаҳауеит».
Ма «аона́гра» (абнаҽадақәа рыжәла). Шьоукы ргәаанагарала ара зыӡбахә ҳәоу азебра ауп. Уи аҩыза аиҿырԥшра зҳәатәы иазырго ауаҩы иҟазшьа аанарԥшуазар ауеит.
Мамзаргьы иҟалап «дырҿагыло дынхалоит».
Иаанагоит «зыԥсы ҭоу, сызбо иҵеџь».
Иаанагоит «аб дҳаракуп».
Иаанагоит «ауаа рацәа раб».
Иҟалап иаанагозар «имырмыруа».
Иаанагоит «аҳкәажә».
Иаанагоит «аччара».
Ма «аменструациақәа рбара даҟәыҵхьан».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «дыздырит».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «арҵәыга злам ача».
Ма «ахьчара». Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ашәшьыра».
Ма «гәыбылрала иҭәу абзиабара».
Иаанагоит «ихәыҷу акы».
Ма «лышьҭахьҟа ахьаԥшра далагеит».
Иордан аԥшаҳәа аҟынтә Цоа́рынӡа ишьҭаз аҳабла.
Ма «ииашоу».
11,4 кг. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рыла хызҩо қәыршәхоит».
Ма «исхыччалоит».
Ма «аҳаҭа». Уи арахә рцәа иалырхуан.
Ма «гәыбылрала иҭәу бзиабарала».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иӡӷабыз асарақәа».
Иҟалап иаанагозар «аҿаҭахьа аҵеџь», ма «быжьба рҵеџь».
Уи аҵла абыӷьқәа ссоуп, ашәҭқәа агәилԥштәы рымоуп ма ишкәакәоуп.
Ма «ҳаҭыр ду шиқәуҵо». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анцәа ицәшәара».
Иаанагоит «Иегова иуиҭоит», «Иегова ибоит».
Мамзаргьы иҟалап «ԥхьагылаҩ дууп».
4,6 кг раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
5,7 г. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
114 г.
Иҟалап зыӡбахә цо Лава́н иакәзар.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «сызцу».
Ма «гәыбылрала иҭәу абзиабара».
Ма «Ҳара ацәгьагьы ҳазҳәом, абзиагьы ҳазҳәом».
Уажәшьҭа лмаҵуҩ лакәын.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «зқьыла амириадақәа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ргәашәқәа».
Аԥсра убас ирԥшӡаны иазырҳәон.
Мамзаргьы иҟалап «рашьцәа ирабашьуа инхон».
Иаанагоит «ахәы зқәу».
Иаанагоит «ашьхәа иамҵасуа; даҽаӡәы иҭыԥ аанызкыло».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иҟаԥшьу, абри иҟаԥшьу».
Ма «амла сыԥсит».
Иаанагоит «аҟаԥшь».
Ма «атәымтәылауаҩ иеиԥш унхала».
Иаанагоит «аимак».
Иаанагоит «ахара адҵара».
Иаанагоит «аҭыԥ ҭбаақәа».
Иаанагоит «аҿаҭахьа» ма «быжьба».
Иаанагоит «аҿаҭахьа аҵеџь» ма «быжьба рҵеџь».
Иаанагоит «ашьхәа иамҵасуа; даҽаӡәы иҭыԥ аанызкыло».
Иаанагоит «Анцәа иҩны».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иашьа шиакәыз».
Ма «сцәеи сыбаҩи».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «сашьа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «лылақәа цырцырӡомызт».
Ма «слыцышьҭаларц азы».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «дшицәымӷыз».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «лымгәарҭа ааиртит».
Иаанагоит «Уахәаԥш: аԥа».
Иаанагоит «иаҳауеит».
Иаанагоит «агәыбылра».
Иаанагоит «идырҽхәо».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «сшьамхаҿы ахшара лоурц азы».
Иаанагоит «аӡбаҩ».
Иаанагоит «ақәԥара».
Иаанагоит «аманшәалара».
Иаанагоит «насыԥ змоу; анасыԥ».
Иаанагоит «Иара ахәԥса иоуп».
Иаанагоит «адкылара».
Ахьӡ Иоси́фиа икьаҿу аформа, иаанагоит «Иах иациҵааит (иазирҳааит)».
Ма «зегьы иснарбоит».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «сыхәԥса».
Ма «иҩнатә нцәахәқәа; иидолқәа».
Ма «иуацәа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Иаков уаниацәажәо, абзиа шуҳәо, ацәгьарахь умиасааит».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амчра снапаҿы иҟоуп».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Исаак ишәара».
Арамеи ажәа, иаанагоит «аиқәыжь-шаҳаҭ».
Ауриатә ажәа, иаанагоит «аиқәыжь-шаҳаҭ».
Иаанагоит «ахьчаратә бааш; ацклаԥшратә ҭыԥ».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иаб Исаак ишәара ала дқәит».
Иаанагоит «ҩ-лагерк».
Ма «атәымуаҩ иеиԥш сынхон».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иуаҭәа аҟәартәра».
Иаанагоит «Анцәа иақәԥо; Анцәа ииҭаанӡа ихьамҵуа ма Анцәа дықәԥоит».
Иаанагоит «Анцәа ихы-иҿы».
Иаанагоит «ақьалақәа; аҭрақәа».
Кеси́та ԥароуп, шаҟа ицоз еилкааӡам.
Аӡӷаб даныргоз, илхыршәаауаз ахә.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ҳаԥҳа».
Иаанагоит «Вефи́ль Анцәа».
Иаанагоит «аҵәыуара аџь».
Иаанагоит «агәырҩа аԥа».
Иаанагоит «арӷьанапы аԥа», даҽакала иуҳәозар, бзиа избо сԥа.
Аԥсра убас ирԥшӡаны иазырҳәон.
Ма «атәымтәылауаа реиԥш инхон».
Ма «атәымтәылауаҩ иеиԥш дынхон».
Иҟалап ауаа аӡы аизгаразы иҟарҵоз ажра акәызҭгьы.
Шәахәаԥш Ажәар.
228 г. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Шәахәаԥш Ажәар.
Ауриатә ажәа шео́л. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».
Ма «аныҳәарҭаҿы икаҳԥуа аԥҳәыс».
Иаанагоит «аԥжәарсҭа». Иҟалап зыӡбахә цо ауҳә аԥжәарсҭа акәзар.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ухы шьҭихуеит».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аӡеизгарҭа; ажра».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рхы шьҭихит».
Ма «ачаԥшь».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аӡеизгарҭа; ажра».
Иаанагозар ауеит «Шәиеихырхәа!»
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «инапгьы шьҭихӡом, ишьапгьы шьҭихӡом».
Гелио́поль.
Ма «иҿаԥхьа дангыла».
Гелио́поль.
Иаанагоит «иухазыршҭуа».
Иаанагоит «ҩынтә еиҳаны аҿиара».
Ма «ақәҿиара».
Ма «ачаԥшь».
Ма «рааҵәақәа».
Ма «иааҵәа».
Ма «иааҵәа».
Ма «сааҵәа».
Ма «ааҵәақәа».
Ма «иааҵәа».
Ауриатә ажәа шео́л. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».
Ма «ачаԥшь».
Ма «шәааҵәақәа».
Шәахәаԥш Ажәар.
Ма «шәааҵәақәа».
Ма «ҳааҵәақәа».
Ма «ҳааҵәақәа».
Ма «ҳааҵәақәа».
Ма «ҳааҵәақәа».
Ма «шәааҵәақәа».
Ма «ачаԥшь».
Ма «рааҵәақәа».
Ма «иааҵәа».
Ма «иааҵәа».
Ма «рааҵәақәа».
Ма «рааҵәақәа».
Ма «иааҵәа».
Ауриатә ажәа шео́л. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».
Ауриатә ажәа шео́л. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иаб сакәны».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аԥстәқәа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ашша».
3,4 кг раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Ма «ачаԥшьи».
Ма «иҩнаҭа иатәыз зегьы».
Иосиф Иаков данԥслак илақәа аиркуеит.
Гелио́поль.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ача».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ача».
Ма «ачаԥшь».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амшқәа рҵыхәтәаны».
Шәахәаԥш Ажәар.
Мамзаргьы иҟалап «сыхшыҩ».
Ма «адашқәа ԥырҟеит».
Ма «Шило́». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Шило».
Ма «афатә».
Иосиф.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «агәыԥҳәи амгәарҭеи рзылԥхара уиҭоит».
Ма «ишьапқәа шьҭихын».
Аԥсра убас ирԥшӡаны иазырҳәон.
Аԥсы ифҩы мҵысырц азы афҩы хаа змоу ахәша еиԥш иҟоу амаҭәашьарқәа рхы иадырхәарц.
Ма «иҩнаҭа аиҳабацәа».
Ма «ачаԥшь».
Иаанагоит «Египтаа аҵәыуара рымоуп».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Иосиф ишьамхаҿы иит».