Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • nwt Ақәҵымҭа 1:1—40:38
  • Ақәҵра

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ақәҵра
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ақәҵра

АҚӘҴРА

1 Абар зҭаацәа зманы, Иаков ицны Египетҟа иааз Израиль иԥацәа рыхьӡқәа: 2 Руви́м, Симеон, Ле́ви, Иуда, 3 Иссаха́р, Завуло́н, Вениамин, 4 Дан, Неффали́м, Гад, Аси́р. 5 Иаков ихылҵқәаз 70-ҩык ыҟан, Иосиф иакәзар, Египетҟа днанагахьан. 6 Ԥыҭрак ашьҭахь Иосиф дыԥсит, иԥсит иашьцәа зегьы, иара убас уи абиԥара зегьы. 7 Израильаа ахшара рацәаны ирхылҵуан, рхыԥхьаӡарагьы еизҳауан. Дара еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон, рхыԥхьаӡара иацлон, убри аҟынтә уи адгьыл зегь дырҭәит.

8 Аамҭак ашьҭахь Египет Иосиф дыззымдыруаз аҳ ҿыц дахагылеит. 9 Иара ижәлар ус реиҳәеит: «Израильаа ҳара ҳаасҭа еиҳауп, ҳара ҳаасҭагьы иӷәӷәоуп. 10 Шәааи ак ҳхәыцып, мамзар урҭ еиҳагьы еиҳахоит. Аибашьра алагар, ҳаӷацәа ирыдгыланы иҳабашьыр ҟалоит, ҳадгьылгьы ааныжьны иқәҵны ицоит».

11 Египтаа израильаа аус хьанҭала идыргәаҟларц азы ахылаԥшыҩцәа рхадыргылеит. Израильаа афараон изы афатәқәа ахьырҵәахуаз ақалақьқәа дыргылеит — Пито́ми Раамсе́си. 12 Аха урҭ шаҟа идыргәаҟуаз аҟара убриаҟара рхыԥхьаӡара иацлон, убриаҟарагьы адгьыл ықәдырҭәаауан. Убри аҟынтә египтаа урҭ еиҳагьы ирыцәшәо иалагеит. 13 Аҵыхәтәаны египтаа израильаа маҵуцәас иҟарҵеит, рыцҳашьарак аамырԥшӡакәагьы ирызныҟәон. 14 Дара урҭ аџьамыӷәа цәгьа иҭадыргылеит: ақьырмытқәеи анышәаԥшь иалхны аршьышьи ддырҟаҵон, амхқәа рҿгьы аус ддыруан. Египтаа израильаа аус хьанҭақәа дырҟаҵо идыргәаҟуан.

15 Аамҭак ашьҭахь египеттәи аҳ ахшара зауаз аҳәса ирыцхраауаз ауриа ҳәсақәа Ши́фреи Пу́еи дрыԥхьан, 16 ус реиҳәеит: «Ахшараиура аан ауриа ҳәсақәа шәанрыцхраауа, ииуа дыҷкәынзар, дышәшьы, дыӡӷабзар, дааншәыжь». 17 Аха урҭ аҳәса Анцәа ду ицәшәон, убри аҟынтә египеттәи аҳ ирыдиҵаз ҟарҵаӡомызт, аҷкәынцәа ршьӡомызт. 18 Ԥыҭрак ашьҭахь египеттәи аҳ урҭ ауриа ҳәсақәа дрыԥхьан, ус реиҳәеит: «Изышәымшьуеи аҷкәынцәа?» 19 Дара афараон ус иарҳәеит: «Ауриа ҳәсақәа египеттәи аҳәса иреиԥшӡам. Дара ӷәӷәоуп, агәабзиара рымоуп, ҳара ҳнеиаанӡа ахшара роуеит».

20 Убри азы Анцәа урҭ ҩыџьа аҳәса абзиара рзыҟаиҵон. Израильтәи ажәлар еиҳа-еиҳа еизҳауан, еиҳагьы иӷәӷәахон. 21 Урҭ аҳәса Анцәа ду иахьицәшәоз азы ԥыҭрак ашьҭахь дырзылԥхеит — ахшара риҭеит. 22 Убасҟан афараон ижәлар абас рыдиҵеит: «Ауриацәа ирыхшо аҷкәынцәа зегь аӡиас Нил иалашәыжьла, аӡӷабцәа шәрыламкьыслан, иааншәыжьла».

2 Убри аамҭазы Ле́ви иҩнаҭа иатәыз аӡәы Ле́ви ишьҭра иатәыз ҭыԥҳак* ԥҳәысс дигеит. 2 Уи лцәалтәымкәа дҟалан, аԥа длоуит. Лара ахәыҷы даараӡа дшыԥшӡаз лбеит, хымзгьы дҵәахны длыман. 3 Иҵәахра уаҳа ианлылымша, апапирус иалхыз акаҵкәыр аашьҭылхын, акаҭрани* аҷаби ахьылшьит, нас ахәыҷы дҭалыриан, инаганы Нил аҟәара азааигәара ачықьқәа рыбжьара аӡы илалыргылеит. 4 Асаби иаҳәшьа иҟало збоит ҳәа инахараны дгыланы дыԥшуан.

5 Афараон иԥҳа Нил ахь ҽыкәабара дааит, лмаҵуцәагьы аҟәараҿы инеи-ааиуан. Лара илбеит ачықьраҿы акаҵкәыр шылагылаз, лмаҵуҩгьы уи аалгарц азы длышьҭит. 6 Акаҵкәыр анаалырт, ахәыҷы дылбеит. Аҷкәын аҵәыуара даҿын, убри аҟынтә даарыцҳалшьеит. Лара илҳәеит: «Ари ахәыҷы ауриацәа дыртәуп». 7 Убасҟан асаби иаҳәшьа афараон иԥҳа ус лалҳәеит: «Ибҭахызар, сцаны ахәыҷы акриҿазҵало уриа ԥҳәыск даазгоит, дыбзылааӡарц азы». 8 «Бца», — лҳәеит афараон иԥҳа. Аӡӷабгьы дцан, ахәыҷы иан длыманы дааит. 9 Афараон иԥҳа уи ус лалҳәеит: «Абри ахәыҷы дганы бгәыԥҳәыхшла дысзааӡа. Сара бџьабаа ахә сшәоит». Уи аԥҳәыс ахәыҷы дылган, иааӡара далагеит. 10 Ахәыҷы ианизҳа, афараон иԥҳа лахь дналгеит, иаргьы уи ԥас дылзыҟалеит. Афараон иԥҳа ахәыҷы Моисеи* ихьӡылҵан, ус лҳәеит: «Сара уи аӡы дҭызгеит».

11 Моисеи ианизҳа* ҽнак зны иашьцәа рахь дцеит. Уа даннеи ибеит урҭ гәаҟха аус шыруаз. Иара ибеит Египет иатәыз хаҵак иауриаз иашьцәа руаӡәк ипҟара дшаҿыз. 12 Моисеи днаԥшы-ааԥшын, икәша-мыкәша аӡәгьы дшыҟамыз аниба, Египет иатәыз ахаҵа дишьит, нас днаганы аԥслымӡ иқәыԥсаны диҵәахит.

13 Адырҩаҽны иара еиҭах иашьцәа рахь дцеит. Уа даннеи, ҩыџьа ауриацәа шеибапҟоз ибеит. Иара изхараз ус иеиҳәеит: «Уашьа дзупҟои, уара?» 14 Аха егьи ус иҳәеит: «Уара еиҳабыс, ӡбаҩыс уҳазҭада? Египет иатәыз ани ахаҵа дшушьыз еиԥш саргьы сушьыр уҭахума?» Моисеи дшәан, ус дхәыцит: «Иҟасҵаз зегьы ираҳаит!»

15 Афараон иҟалаз аниаҳа, Моисеи дишьырц иӡбеит, аха иара Мадиа́нҟа дыбналаны дцеит. Уа даннеи, аҵеџь аҿы днатәеит. 16 Мадиантәи адгьыл аҿы инхоз ԥшьаҩык быжьҩык аԥҳацәа иман. Дара аҵеџь аҟынтә аӡы ҭыргарц иааит, аиаҳәақәа рҭәны, раб иԥсаса аӡы ддыржәырц азы. 17 Аха ахьчацәа ааин, еснагь ишыҟарҵалоз еиԥш, урҭ аҳәса наҟ иԥхарҵеит. Усҟан Моисеи дҩагылан, аҳәса дрыцхрааит*, рыԥсасагьы аӡы диржәит. 18 Аҩныҟа ианыхынҳә, раб Рагуи́л* ус дразҵааит: «Иахьа ас заа шәызлааи?» 19 Дара ус рҳәеит: «Египет иатәыз хаҵак ахьчацәа ҳарцәихьчеит, аӡгьы ҳазҭиган, ҳаԥсаса аӡы диржәит». 20 Рагуи́л иԥҳацәа ус реиҳәеит: «Дабаҟоу, нас, иара? Арахь дзаашәымгеи? Шәцаны арахь даажәга, акраҳацифааит». 21 Моисеи Рагуи́л иҿы аангылара дақәшаҳаҭхеит, Рагуи́лгьы иԥҳа Циппо́ра Моисеи ԥҳәысс дииҭеит. 22 Ԥыҭрак ашьҭахь лара аԥа длоуит, Моисеи уи Гершо́м* ихьӡиҵан, ус иҳәеит: «Сара ари адгьыл аҿы стәымуаҩуп».

23 Аамҭа рацәаны ицеит, египеттәи аҳгьы дыԥсит. Аха израильаа маҵуцәас ишыҟац иҟан, ишгәаҟыц игәаҟуан. Дара ӷьаҵәыӷьаҵәуа ацхырааразы Анцәа иҳәон, рыӷьаҵәыӷьаҵәбжьгьы Анцәа ду иҟынӡа инаӡон. 24 Анцәа урҭ ргәынқьбжьы иаҳаит, иагьигәалашәеит Авраами, Исааки, Иакови, иареи ирыбжьеиҵаз аиқәшаҳаҭра. 25 Анцәа израильаа шгәаҟуаз ибеит, иагьрыцҳаишьеит.

3 Моисеи иабхәа Иофо́р — мадиантәи аԥшьаҩы — иԥсаса ахьчара далагеит. Зны иара аԥсаса ацәҳәыра мраҭашәаратәи аганахь ишкеицоз, Анцәа ду ишьха Хори́в ахь днеит. 2 Уа амца зкыз, амаӷ злыҳәҳәо иҟаз ачықь аҿы Иегова имаалықь дизцәырҵит. Моисеи ибеит ачықь амца шакыз, аха ишымбылуаз. 3 Иара ус дхәыцит: «Изакәи уара ари?! Ачықь зымбылуеи? Снеины сахәаԥшыпи». 4 Иегова Моисеи ачықь дшазааигәахаз аниба, амца зкыз ачықь аҟынтә изҿиҭит: «Моисеи! Моисеи!» «Ара сыҟоуп», — иҳәеит Моисеи. 5 Анцәа иҳәеит: «Уаҳа арахь умааскьан. Усандалеимаа ушьх, избанзар узықәгылоу адгьыл ԥшьоуп».

6 Анаҩс Анцәа иҳәеит: «Сара уаб Инцәа соуп, Авраами, Исааки, Иакови Рынцәа». Моисеи ихы-иҿы хиҩеит, избанзар Анцәа ду ихәаԥшра дшәон. 7 Иегова иҳәеит: «Сара избеит Египет иҟоу сыжәлар шаҟа игәаҟуа, исаҳаит бӷеиҵыхрак ахьрырымҭо иахҟьаны ишыӷызыӷызуа. Сара издыруеит урҭ шаҟа игәаҟуа. 8 Сара сылбаауеит урҭ египтаа рхәура иҭызгарц, насгьы уи адгьыл иалганы, ахши ацхеи меигӡарахда иахьыҟоу, иҭбааҭыцәу адгьыл бзиахь изгарц, ханаа́нааи, хе́ттааи, аморе́иааи, ферезе́иааи, хиве́иааи, иеву́сааи рыдгьыл ахь. 9 Сара исаҳаит израильаа рыӷызыӷызбжь, иагьызбеит египтаа рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа урҭ шдыргәаҟуа. 10 Убри аҟынтә сара афараон иахь усышьҭуеит. Уара сыжәлар, израильаа, Египет иалугоит».

11 Аха Моисеи Анцәа ду ус иеиҳәеит: «Сызусҭада сара, афараон иахь сцаны, израильаа Египет иалызгартә еиԥш?» 12 Анцәа иҳәеит: «Сара суцзаауеит. Уназышьҭыз сара шсакәу алагьы адырга усҭоит: израильаа Египет ианалугалак, ари ашьхаҿы Анцәа ду имаҵ жәулоит*».

13 Аха Моисеи Анцәа ду ус иеиҳәеит: «Иаҳҳәап, израильаа рахь сцаны „шәабацәа рабацәа Рынцәа сааишьҭит“ ҳәа расҳәоит. Аха „ихьӡуи“ ҳәа исазҵаар, ирасҳәои?» 14 Анцәа Моисеи ус иеиҳәеит: «Сара исҭаху сакәны сҟалоит»* — иагьациҵеит: «Абар израильаа ироуҳәаша: „‚Сара сҟалоит‘ зыхьӡу иоуп шәара шәахь саазышьҭыз“». 15 Иара убас Анцәа Моисеи ус иеиҳәеит:

«Абар израильаа ироуҳәаша: „Иегова, шәабацәа рабацәа Рынцәа, Авраами, Исааки, Иакови Рынцәа, шәара шәахь сааишьҭит“. Ари наӡаӡа сыхьӡ акәзаауеит. Ари ахьӡ ала абиԥарақәа зегьы сырдыруазаалоит. 16 Уцаны, израильаа реиҳабацәа еизганы абас сызраҳә: „Сара шәабацәа рабацәа Рынцәа, Авраами, Исааки, Иакови Рынцәа, Иегова дсызцәырҵын, ус сеиҳәеит: ‚Сара избеит Египет ишшәызныҟәо. 17 Убри аҟынтә ажәа шәысҭоит египтаа рхәура шәышҭызго, насгьы ахши ацхеи меигӡарахда иахьыҟоу адгьыл ахь шәышназго, ханаа́нааи, хе́ттааи, аморе́иааи, ферезе́иааи, хиве́иааи, иеву́сааи рыдгьыл ахь‘“.

18 Дара узыӡырҩуеит, уаргьы Израиль аиҳабацәа уманы египеттәи аҳ иахь уцоит. Шәара уи ус иашәҳәоит: „Ҳара ауриацәа Рынцәа Иегова дҳазцәырҵит. Убри аҟынтә, иҟалозар, Ҳанцәа Иегова акәырбан изнаҳгарц азы хымш ҳәа* ацәҳәырахь ацара азин ҳаҭ“. 19 Аха издыруеит египеттәи аҳ мчыла шәимсымхыкәа шәшоуимышьҭуа. 20 Убри аҟынтә снапала аус џьашьахәқәа ҟаҵаны Египет ахьсырхәуеит, уи ашьҭахь шәоуишьҭуеит. 21 Сара египтаа шәзыразхартә иҟасҵоит, убри аҟынтә шәанцо шәнапы ҭацәны шәцаӡом. 22 Ԥҳәысс иҟоу дарбанзаалак лыҩны иҩноу аԥҳәыси лгәылаԥҳәыси ахьи, араӡни, амаҭәеи лырҭарц дрыҳәааит. Шәара урҭ шәыҷкәынцәеи шәыӡӷабцәеи ирхашәҵоит, ишәырҭо амаҭәагьы ршәышәҵоит. Убасала амал ду шәыманы Египет шәалҵуеит».

4 Аха Моисеи ус иҳәеит: «Иҟасҵои исҳәо агәра рымгар, исзымӡырҩыр, „Иегова дузцәырмҵӡеит“ ҳәа сарҳәар?» 2 Иегова ус диазҵааит: «Иукәу закәуи?» — «Алабашьа», — иҳәеит иара. 3 Анцәа ус иеиҳәеит: «Улабашьа адгьыл ахь икажь». Моисеи илабашьа адгьыл ахь ианкаижь, имаҭхеит. Моисеи уи даԥырҟьаны дыҩит. 4 Аха Иегова ус иеиҳәеит: «Амаҭ аҵыхәа кы». Амаҭ аҵыхәа аник, инапаҿы уи лабашьахеит. 5 Анаҩс Анцәа иҳәеит: «Абас ҟаҵа, израильаа рабацәа Рынцәа, Авраами, Исааки, Иакови Рынцәа Иегова дышузцәырҵыз агәра ргарц азы».

6 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Суҳәоит, унапы укәа иҭаҵа». Иара инапы икәа иҭеиҵеит, ианҭига, ацәеилабаара аманы, асы еиԥш ишкәакәаӡа иҟан. 7 Усҟан Анцәа иҳәеит: «Унапы еиҭах укәа иҭаҵа». Иара инапы икәа иҭеиҵеит, ианҭига, уаанӡа ишыҟаз еиԥш иҟалеит. 8 Анцәа иҳәеит: «Иуҳәо харымҵар, актәи аџьашьахәгьы агәра рымгар, аҩбатәи аџьашьахәы агәра ргоит. 9 Аҩџьашьахәыкгьы рыгәра рымгар, иуҳәогьы харымҵар, уара Нил аӡы ҭыганы адгьыл иқәуҭәоит, адгьыл иқәуҭәаз аӡгьы шьахоит».

10 Моисеи Иегова ус иеиҳәеит: «Саҭоумҵан, Иегова, аха сара ахаангьы аҿаԥыц сҿаӡамызт, уажәы, умаҵуҩы уаниацәажәогьы, аҿаԥыц иҿаӡам. Сара ацәажәара сцәыцәгьоуп, исҭаху сҿы исзарҳәаӡом». 11 Аха Иегова ус иҳәеит: «Ауаҩы дцәажәо дҟазҵада? Дҟазҵода дзымцәажәо, имаҳауа, ила иабо ма иамбо? Сара, Иегова, сакәӡами? 12 Уца, уанцәажәало сара суцзаауеит, иуҳәашагьы усырҵоит». 13 Аха Моисеи ус иҳәеит: «Иегова, саҭоумҵан, суҳәоит, иҟалозар, даҽаӡәы дышьҭы». 14 Убасҟан Иегова Моисеи игәы изыԥжәан, ус иҳәеит: «Ле́ви ишьҭра иатәу уашьа Ааро́н дыҟами? Сара издыруеит уи иҿаԥыц шыбзиоу. Иара дуԥыларц амҩа дықәлахьеит. Уанибалак, даараӡа дуеигәырӷьоит. 15 Уара ииҳәаша иоуҳәалоит, уанцәажәало сара сшәыцзаауеит, иҟашәҵашагьы шәсырҵоит. 16 Иара уара уҭыԥан ажәлар драцәажәалоит, хаҭарнаксгьы дузыҟалоит, уара иара изы Нцәаҵас* уҟазаауеит. 17 Уахьцо улабашьа га, уи ала аџьашьхәқәа ҟауҵалоит».

18 Моисеи иабхәа Иофо́р иахь дцан, ус иеиҳәеит: «Египетҟа сашьцәа рахь сцар сҭахуп, рыԥсы ҭоу-иҭаму еилыскаарц азы. Суҳәоит, соушьҭ». Иофо́р Моисеи иеиҳәеит: «Уца, умҩа бзиахааит». 19 Уи ашьҭахь мадиантәи адгьыл аҿы Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Ухынҳәы Египетҟа, избанзар узшьыр зҭахыз зегь ԥсхьеит».

20 Моисеи иԥҳәыси иҷкәынцәеи аҽада илақәиртәан, Египетҟа ддәықәлеит. Иара убас Моисеи Анцәа ду илабашьагьы шьҭихит. 21 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Сара аџьашьахәқәа рыҟаҵаразы амч усҭеит. Египетҟа уаныхынҳәлак, афараон иҿаԥхьа урҭ аџьашьахәқәа зегь ҟаҵа. Сара иаҿаршәны мап икыр зуеит, убри аҟынтә сыжәлар ауишьҭӡом. 22 Афараон абас иаҳә: „Абас иҳәоит Иегова: ‚Израиль сыҷкәын иоуп, раԥхьа ииз сԥа иоуп‘. 23 Сара иуасҳәоит: ‚Доушьҭ сыҷкәын, сымаҵ иуларц азы. Доуумышьҭыр, уҷкәын, раԥхьа ииз уԥа, дысшьуеит‘“».

24 Амҩан уахык ҳәа дахьаангылаз Иегова диԥылеит, дишьырцгьы иҭаххеит. 25 Аха Циппо́ра иҵарыз ашьанҵа аашьҭылхын, лыҷкәын иаԥхьатә хылсеит, нас иршәны ишьапахьы икалыжьын, ус лҳәеит: «Ари ашьа абзоурала уажәшьҭа схаҵа уакәхеит». 26 Анцәагьы уи димшьӡеит. Лара лыҷкәын иаԥхьатә ахьхылсаз азоуп «ари ашьа абзоурала уажәшьҭа схаҵа уакәхеит» ҳәа зылҳәаз.

27 Иегова Ааро́н иеиҳәеит: «Уца ацәҳәырахь, Моисеи уиԥыларц азы». Ааро́нгьы дцеит. Анцәа ду ишьхаҿы Моисеии иареи еиԥылеит. Иара уи аԥсшәа иеиҳәан, даагәыдикылеит. 28 Моисеи Ааро́н Иегова ииҳәаз зегь изеиҭеиҳәеит, иара убас изеиҭеиҳәеит џьашьахәқәас иҟаиҵарц идиҵаз. 29 Уи ашьҭахь Моисеии Ааро́ни цан Израиль аиҳабацәа зегь еизыргеит. 30 Ааро́н урҭ ирзеиҭеиҳәеит Иегова Моисеи иеиҳәаз зегьы, Моисеигьы ажәлар рҿаԥхьа аџьашьахәқәа ҟаиҵеит. 31 Израильаа Моисеи игәра ргеит. Иегова ргәаҟрақәа шибаз анраҳа, ишьамхышгыланы Анцәа иеихырхәеит.

5 Уи ашьҭахь Моисеии Ааро́ни афараон иахь инеин, ус иарҳәеит: «Абас иҳәоит израильаа Рынцәа Иегова: „Иоушьҭ сыжәлар, ацәҳәырахь ицаны, сыхьӡала аныҳәа азгәарҭарц азы“». 2 Аха афараон ус иҳәеит: «Дызусҭада Иегова, иҳәатәы сацныҟәаны израильаа аусышьҭыртә еиԥш? Сара Иегова дсыздырӡом, израильаагьы аусышьҭӡом». 3 Дара ус рҳәеит: «Ҳара ауриацәа Рынцәа дҳазцәырҵит. Ҳуҳәоит, иҟалозар, хымш ҳәа* ацәҳәырахь ҳашьҭы, Ҳанцәа Иегова акәырбан изнаҳгарц азы, мамзар ҳазго ачымазара ҳирхьуеит, ма аҳәала ҳаишьуеит». 4 Аха египеттәи аҳ урҭ ус реиҳәеит: «Моисеии Ааро́ни, ауаа аусура шәзырԥырхагои? Шәца, аус жәула!» 5 Анаҩс ус иҳәеит: «Шәыжәлар шаҟа ирацәоу шәымбаӡои, абырсҟаҩык ауаа аусура иаҟәыҵыр шәҭахума?»

6 Убри аҽныҵәҟьа афараон израильаа ирхагылаз ахылаԥшыҩцәеи урҭ рыцхырааҩцәеи ус реиҳәеит: 7 «Ақьырмыт аҟаҵаразы уаҳа аҭәа рышәымҭалан. Ицаны рхала еизыргалааит. 8 Убри аамҭазгьы уаанӡа шаҟа ҟарҵоз аҟара ақьырмыт ҟарҵалааит, еиҵаны иҟарҵар шәымун. Дара аашьоит, убри азоуп изырҳәо: „Ҳара ҳцар ҳҭахуп. Ҳанцәа акәырбан изнаҳгар ҳҭахуп!“ 9 Еиҳаны аусутә рышәҭ усда иаанымхарц, насгьы агаӡабызшәа иазымӡырҩларц азы».

10 Ахылаԥшыҩцәеи урҭ рыцхырааҩцәеи цан израильаа ус рарҳәеит: «Афараон иҳәеит: „Сара уаҳа аҭәа шәысҭалаӡом. 11 Шәцаны иахьышәҭаху ишәыԥшаала, аха ақьырмыт уаанӡа шаҟа ҟашәҵоз аҟара ҟашәҵалоит“». 12 Усҟан ауаа рҽыԥсаҟьаны Египет иалалан, аҭәа ацынхәрас ахәҵәқәа реизгара иалагеит. 13 Ахылаԥшыҩцәа ракәзар, урҭ хҭакны ирыман, иагьрарҳәон: «Аҭәа аншәырҭоз шаҟа қьырмыт ҟашәҵоз аҟара, убриаҟара есыҽны иҟашәҵалароуп». 14 Уи адагьы, афараон израильаа ирхаиргылаз ахылаԥшыҩцәа цхырааҩцәас иҟаҵаны ирымаз израильаа рыпҟон, иагьырҳәон: «Иацгьы иахьагьы уаанӡа аасҭа еиҵаны ақьырмытқәа ҟашәҵеит. Уаанӡа шаҟа ҟашәҵоз аҟара зыҟашәымҵеи?»

15 Усҟан урҭ ацхырааҩцәа афараон иахь инеин ашшра иалагеит: «Умаҵуцәа абас узрызныҟәои? 16 Умаҵуцәа аҭәа рырҭаӡом, арахь „ақьырмытқәа ҟашәҵала“ ҳәа ҳарҳәоит. Иара убас умаҵуцәа рыпҟоит, изхароу ужәлар шракәугьы». 17 Афараон ус реиҳәеит: «Аашьаҟәырқәа шәара! Зынӡа шәаашьо шәалагеит, убри азоуп изышәҳәо: „Ҳара ҳцар ҳҭахуп. Иегова акәырбан изнаҳгар ҳҭахуп“. 18 Шәцаны аус жәула! Аҭәа шәырҭалаӡом, аха ақьырмыт шаҟа ахәҭоу ҟашәҵала».

19 Афараон «ҽнакала шаҟа шәыхәҭоу ақьырмытқәа ҟашәҵала» ҳәа анреиҳәа, цхырааҩцәас иҟаз израильаа арыцҳара ишақәшәаз еилыркааит. 20 Афараон иҟынтә ианца, ирзыԥшны игылаз Моисеии Ааро́ни рбан, 21 ус рарҳәеит: «Иегова шәибааит, дагьшәықәыӡбааит, избанзар шәара шәымшала афараон имаҵуцәеи иареи ҳарцәымӷхеит. Шәара урҭ ҳаршьырц азы аҳәа дшәыркит». 22 Усҟан Моисеи Иегова ус иеиҳәеит: «Иегова, ари ажәлар агәаҟра изҭаургылеи? Сзааушьҭи арахь? 23 Афараон иахь сааны, ухьӡала иацәажәара салагеижьҭеи ужәлар еиҳа еицәаны дрызныҟәо далагеит, аха уара урҭ рхы иақәиҭумтәӡеит».

6 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Уажәшьҭа сара иусырбоит афараон изызуа: снапы ӷәӷәала сыжәлар ауишьҭыртә еиԥш, ари адгьыл иалцангьы икеицартә еиԥш иҟасҵоит».

2 Анаҩс Анцәа Моисеи ус иеиҳәеит: «Сара Иегова соуп. 3 Сара Авраами, Исааки, Иакови Зегьзымчу Анцәа ҳәа срызцәырҵхьан, аха сыхьӡ Иегова рзаасмыртӡацызт. 4 Дареи сареи ҳабжьара аиқәшаҳаҭра бжьасҵеит, насгьы итәымуааны иахьыҟаз адгьыл Ханаа́н шрысҭо иақәсыргәыӷит. 5 Сара египтаа маҵуцәас иҟарҵаз израильаа ргәынқьбжьы саҳауеит, уи аиқәшаҳаҭрагьы сгәалашәоит.

6 Убри аҟынтә израильаа абас сызраҳә: „Сара Иегова соуп. Сара Египет шәалызгоит, египтаа рхәура шәҭызгоит. Сара атҟәара аҟынтә шәхы шәақәиҭыстәуеит, снапы неиҵыхны Египет ӷәӷәала иахьсырхәуеит, шәагьеиқәсырхоит. 7 Сыжәлар шәакәны шәҟасҵоит, Шәынцәагьы сакәзаауеит. Убасҟан еилышәкаауеит сара египтаа рхәура шәҭызго Шәынцәа Иегова шсакәу. 8 Сара Авраами, Исааки, Иакови сықәны ирысҭоит ҳәа исҳәаз адгьыл ахь шәназгоит. Уи адгьылгьы шәара ишәтәхарц ишәысҭоит. Сара Иегова соуп“».

9 Моисеи арҭ ажәақәа израильаа ирзеиҭеиҳәеит, аха дара изымӡырҩӡеит, избанзар аус хьанҭа иаргәаҟхьан, рыгәгьы каҳаны иҟан.

10 Иегова Моисеи иеиҳәеит: 11 «Египеттәи аҳ, афараон, иахь уцаны израильаа ауишьҭырц иаҳә». 12 Аха Моисеи Иегова ус иеиҳәеит: «Израильаа сзыӡырҩӡом, афараон еиҳа дысзыӡырҩуама? Сара ацәажәара сцәыцәгьоуп». 13 Аха Иегова Моисеии Ааро́ни еиҭах иреиҳәеит израильааи египеттәи аҳ, афараони, ирарҳәашаз, израильаа Египет иалыргарц азы.

14 Абар абиԥарақәа рхадацәа. Израиль раԥхьа ихшаз Руви́м иԥацәа: Хано́х, Па́ллу, Хецро́н, Ха́рми. Арҭ Руви́м иҭаацәарақәа роуп.

15 Симеон иԥацәа: Иемуи́л, Иами́н, Ога́д, Иахи́н, Цоха́р, иара убас ханаантәи аԥҳәыс илыхшаз Сау́л. Арҭ Симеон иҭаацәарақәа роуп.

16 Абар Ле́ви иԥацәа рыхьӡқәа, рҭаацәарақәа рыла: Гершо́н, Каа́ф, Мера́ри. Ле́ви 137 шықәса ниҵит.

17 Гершо́н иԥацәа: Ли́внии Шиме́ии, рҭаацәарақәа рыла.

18 Каа́ф иԥацәа: Амра́м, Ицга́р, Хевро́н, Уззии́л. Каа́ф 133 шықәса ниҵит.

19 Мера́ри иԥацәа: Ма́хлии Му́шии.

Арҭ алевитцәа рыхьӡқәа роуп, рҭаацәарақәа рыла.

20 Амра́м иаб иаҳәшьа Иохаве́да ԥҳәысс дигеит. Лара илыхшеит Ааро́ни Моисеии. Амра́м 137 шықәса ниҵит.

21 Ицга́р иԥацәа: Коре́и, Нефе́г, Зи́хри.

22 Уззии́л иԥацәа: Мисаи́л, Елцафа́н, Си́три.

23 Ааро́н Нахшо́н иаҳәшьа, Аминада́в иԥҳа Елишéва ԥҳәысс дигеит. Лара илыхшеит Нада́ви, Авиу́ди, Елеаза́ри, Итама́ри.

24 Коре́и иԥацәа: Асси́р, Елка́на, Авиаса́ф. Арҭ Коре́и иԥацәа рҭаацәарақәа роуп.

25 Ааро́н иԥа Елеаза́р Путие́л иԥҳацәа руаӡәк ԥҳәысс дигеит. Лара Финее́с длыхшеит.

Арҭ алевитцәа рабиԥарақәа рхадацәа роуп, рҭаацәарақәа рыла.

26 Ари Ааро́ни Моисеии рабшьҭроуп. Иегова урҭ ус реиҳәеит: «Израильаа Египет аҟынтә аруаа реиԥш гәыԥ-гәыԥла еишьҭаргыланы иалыжәга». 27 Дара роуп — Моисеии Ааро́ни роуп — египеттәи аҳ афараон иацәажәоз, израильаа Египет иалыргарц азы.

28 Иегова Египет Моисеи даниацәажәоз аҽны 29 Иегова уи ус иеиҳәеит: «Сара Иегова соуп. Иуасҳәаз зегьы египеттәи аҳ афараон изеиҭаҳәа». 30 Усҟан Моисеи Иегова ус иеиҳәеит: «Сара ацәажәара сцәыцәгьоуп, дысзыӡырҩуама сара афараон?»

7 Аха Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Сара афараон изы Нцәаҵас уҟасҵоит*, уашьа Ааро́н иакәзар, ԥааимбарс дузыҟалоит. 2 Сара иуасҳәо зегьы Ааро́н иоуҳәалоит, иара афараон иеиҳәалоит, израильаа идгьыл аҟынтәгьы иоуишьҭуеит. 3 Сара афараон иаҿаршәны мап икыр зуеит, насгьы Египет аџьашьахәқәа рацәаны иҟасҵоит. 4 Афараон шәара дышәзыӡырҩӡом, усҟан египтаа сымч дсырбоит, ӷәӷәалагьы иахьсырхәуеит, убасала зхыԥхьаӡара рацәоу сыжәлар* израильаа Египет аҟынтә иалызгоит. 5 Снапы неиҵыхны израильаа египеттәи адгьыл ианалызгалак ашьҭахь, египтаа еилыркаауеит сара Иегова шсакәу». 6 Моисеии Ааро́ни Иегова ишреиҳәаз еиԥш зегь ҟарҵеит, урҭ убасҵәҟьа иагьыҟарҵеит. 7 Афараон ианиацәажәоз Моисеи 80 шықәса ихыҵуан, Ааро́н — 83 шықәса.

8 Иегова Моисеии Ааро́ни ус реиҳәеит: 9 «Афараон „аџьашьахәы ҟашәҵа“ ҳәа шәеиҳәар, Ааро́н „улабашьа аашьҭыхны афараон иаԥхьа икажь“ ҳәа иаҳәа. Усҟан алабашьа маҭ дуны иҟалоит». 10 Моисеии Ааро́ни афараон иҿы инеины, Иегова ишреиҳәаз еиԥшҵәҟьа зегь ҟарҵеит. Ааро́н афараон имаҵуцәеи иареи раԥхьа илабашьа анкаижь, уи маҭ дуны иҟалеит. 11 Аха афараон аҟәыӷацәеи амагиа знапы алакызи дрыԥхьеит, египеттәи аныхаԥааҩцәагьы амагиа рхы иархәаны убасҵәҟьа ҟарҵеит. 12 Дасу рлабашьақәа анкарыжь, имаҭ дуқәаны иҟалеит. Аха Ааро́н илабашьа урҭ рлабашьақәа лбаанадеит. 13 Ус шакәызгьы, афараон иаҿаршәны мап икит. Иегова ишиҳәахьаз еиԥш, урҭ дырзымӡырҩӡеит.

14 Иегова Моисеи иеиҳәеит: «Афараон иҽимԥсахӡеит, сыжәлар роушьҭра мап ацәикит. 15 Ашьжьымҭан афараон иахь уца. Иара аӡиас аҿы дҟалоит. Убраҟа уиԥыларц азы Нил аҟәараҿы угылаз. Имаҭхаз улабашьа аашьҭыхны, 16 афараон абас иаҳә: „Ауриацәа Рынцәа Иегова сааишьҭит, абас уасҳәарц азы: ‚Иоушьҭ сыжәлар, ацәҳәыраҿы сымаҵ руларц азы‘, аха уара иахьа уажәраанӡагьы усзымӡырҩӡацт. 17 Абас иҳәоит Иегова: ‚Абар сара Иегова шсакәу злоудыруа: Сара слабашьала Нил аӡы сҭасуеит, уи аӡгьы шьаны иҟалоит. 18 Нил аӡиас иҭоу аԥсыӡқәа зегь ԥсуеит, аӡиас афҩы ҵысуеит, египтаагьы уи аӡы рзымжәуа иҟалоит‘“».

19 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Ааро́н абас сызиаҳә: „Улабашьа аашьҭыхны Египет аӡқәа рахь ирха: аӡиасқәа, аӡышьҭрақәа*, аӡмахқәа, аӡҵәахырҭақәа зегь рахь. Убасҟан урҭ шьаны иҟалоит“. Египет зегь аҿы ашьа ыҟазаауеит, аӡы зҭоу амҿтәы ҭрақәеи ахаҳәтә ҭрақәеи рҿгьы». 20 Моисеии Ааро́ни иаразнак Иегова ишиҳәаз еиԥш иҟарҵеит. Ааро́н илабашьа аашьҭихын, афараон имаҵуцәеи иареи ишырбоз Нил аӡы дҭасит. Убасҟан аӡиас зегь шьаны иҟалеит. 21 Нил иҭаз аԥсыӡқәа зегь ԥсит, аӡиас афҩы ҵысуа иалагеит. Египтаа уи аӡы рзыжәуамызт. Египет зегь шьала иҭәын.

22 Аха египеттәи аныхаԥааҩцәа амагиа рхы иархәаны, убасҵәҟьа ҟарҵеит. Убри аҟынтә афараон иаҿаршәны мап икит, Иегова ишиҳәахьаз еиԥш, Моисеии Ааро́ни дырзымӡырҩӡеит. 23 Афараон иҟалаз хьаас имкӡакәа аҩныҟа дхынҳәит. 24 Египтаа Нил аӡиас аҿы аӡыржәтә рыԥшаарц азы ажра иалагеит, избанзар уи аӡиас аҟынтә аӡы рзыжәуамызт. 25 Иегова Нил аӡы шьаны ианыҟаиҵа ашьҭахь бжьымш ҵит.

8 Иегова Моисеи иеиҳәеит: «Афараон иахь уцаны абас сызиаҳә: „Абас иҳәоит Иегова: ‚Иоушьҭ сыжәлар, сымаҵ руларц азы. 2 Иоуумышьҭыр, утәыла зегьы адаӷьқәа рыла исырҭәуеит. 3 Нил адаӷьқәа рыла иҭәуеит. Урҭ аӡы иҭыҵны уҩни уахьышьҭало ууадеи ирыҩналоит, уиарҭа илалоит, ужәлари умаҵуцәеи рыҩнқәа ирыҩналоит, ача ахьуӡуа уԥечкақәа ирҭалоит, усаарақәагьы* ирнылоит. 4 Адаӷьқәа ирыхҟьаны ужәлари умаҵуцәеи уареи шәгәаҟлоит‘“».

5 Анаҩс Иегова Моисеи иеиҳәеит: «Ааро́н абас сызиаҳәа: „Унапы неиҵыхны, улабашьа аӡиасқәеи, Нил аӡышьҭрақәеи, аӡмахқәеи рахь ирха. Усҟан адаӷьқәа аӡы иҭыҵны, египеттәи адгьыл иқәлоит“». 6 Ааро́н Египет аӡқәа рахь инапы анеиҵих, адаӷьқәа ҭыҵын, египеттәи адгьыл зегь дырҭәит. 7 Аха аныхаԥааҩцәа амагиа рхы иархәаны, убасҵәҟьа ҟарҵеит, адаӷьқәа аӡы иҭыҵны, египеттәи адгьыл иқәлартә иҟарҵеит. 8 Аамҭак ашьҭахь афараон Моисеии Ааро́ни даарыԥхьан, ус реиҳәеит: «Иегова шәиҳәа, сыжәлари сареи адаӷьқәа ҳарцәихьчарц азы. Сара сазхиоуп шәыжәлар роушьҭра, Иегова акәырбан изнаргарц азы». 9 Убасҟан Моисеи афараон ус иеиҳәеит: «Ухала иҳәа уара узи умаҵуцәеи ужәлари рзи Анцәа саниҳәаша, шәыҩнқәа рҿы адаӷьқәа ҟамларц азы. Урҭ Нил заҵәык аҿы ауп иахьаанхо». 10 Афараон иҳәеит: «Уаҵәы». Моисеи иҳәеит: «Ишуҳәаз еиԥш иҟалоит, Ҳанцәа Иегова иеиԥшу аӡәгьы дшыҟам еилукаарц азы. 11 Адаӷьқәа уҩни ужәлари умаҵуцәеи рыҩнқәеи ирыҩныҵуеит. Нил заҵәык аҿы ауп иахьаанхо».

12 Моисеии Ааро́ни афараон иҟынтә ианца, Моисеи Иегова диҳәеит афараон иахь иааишьҭыз адаӷьқәа ықәигарц. 13 Иегова Моисеи иҳәара наигӡеит. Аҩнқәеи, ашҭақәеи, амхқәеи рҿы адаӷьқәа ԥсит. 14 Ауаа иԥсыз адаӷьқәа реизгара иалагеит, урҭ рыфҩы бааԥс атәыла зегь иахыҵәеит. 15 Афараон арыцҳара шынҵәаз аниба, иҽимԥсахӡеит. Иегова ишиҳәахьаз еиԥш, иара Моисеии Ааро́ни дырзымӡырҩӡеит.

16 Иегова Моисеи иеиҳәеит: «Ааро́н абас сызиаҳә: „Улаба аашьҭыхны адгьыл уас. Убасҟан Египет зегь аҿы асаба акәыбрыссақәа рылҵуеит“». 17 Дара ус иагьыҟарҵеит. Ааро́н илабашьа аашьҭыхны адгьыл дасит. Усҟан ауааи аԥстәқеи акәыбрыссақәа рхалеит. Египет иҟаз асаба зегь акәыбрыссақәа рылҵит. 18 Аныхаԥааҩцәа амагиа рхы иархәаны акәыбрыссақәа ҟарҵарц иалагеит, аха ирылымшаӡеит. Акәыбрыссақәа иахьабалак иҟан, ауааи аԥстәқәеи ирықәтәан. 19 Убасҟан аныхаԥааҩцәа афараон ус иарҳәеит: «Ари Анцәа имч ала* иҟаҵоуп». Аха афараон иаҿаршәны мап икит. Иегова ишиҳәахьаз еиԥш, Моисеии Ааро́ни дырзымӡырҩӡеит.

20 Иегова Моисеи иеиҳәеит: «Ашьыжь шаанӡа афараон аӡиас аҿы даныҟало, унаидгыланы ус сызиаҳә: „Абас иҳәоит Иегова: ‚Иоушьҭ сыжәлар, сымаҵ руларц азы. 21 Иоуумышьҭыр, уара уахь, умаҵуцәеи ужәлари рахь, уҩнқәа рахь ацәымҵқәа насышьҭуеит. Египеттәи аҩнқәа ацәымҵқәа рыла исырҭәуеит, урҭ адгьыл зегь умбо ихырҩоит. 22 Уи аҽны сыжәлар ахьынхо гошентәи адгьыл заҵәык аҿы ауп ацәымҵқәа ахьыҟамло, сара, Иегова, ари адгьыл аҿы сшыҟоу еилукаарц азы. 23 Сара ужәлар сышрызныҟәо еиԥш сыжәлар срызныҟәаӡом. Ари аџьашьахәы уаҵәы иҟалоит‘“».

24 Иегова убас иагьыҟаиҵеит. Ҵҩа змамыз ацәымҵқәа афараон иҩни имаҵуцәа рыҩнқәеи ирыҩналеит, Египет зегь дырҭәит. Урҭ ирыхҟьаны атәыла анҵәара иаҿын. 25 Аҵыхәтәаны афараон Моисеии Ааро́ни даарыԥхьан, ус реиҳәеит: «Шәца, Шәынцәа акәырбан изнажәга, амала, ара, сыдгьыл аҿы». 26 Моисеи иҳәеит: «Ҳара ус ҳзыҟаҵаӡом, избанзар Ҳанцәа Иегова изнаҳго акәырбан египтаа ланарҟәуеит. Уи египтаа ишырбо иҟаҳҵар, ахаҳә ҳарганы ҳаршьуеит. 27 Ҳара хымш ҳәа* ацәҳәырахь ҳцоит. Уа Ҳанцәа Иегова ишҳаиҳәахьаз еиԥш, акәырбан изнаҳгоит».

28 Афараон иҳәеит: «Сара шәоусышьҭуеит ацәҳәырахь шәцаны Шәынцәа Иегова акәырбан изнажәгарц азы. Амала, хара шәымцан. Сара сызгьы Анцәа шәиҳәа». 29 Моисеи иҳәеит: «Уара уҟынтә санцалак ашьҭахь Иегова сиҳәоит. Уаҵәы афараони, имаҵуцәеи, ижәлари ацәымҵқәа рԥыргахоит. Амала, афараон ҳимжьааит, ҳажәлар Иегова акәырбан изнаргарцгьы дырԥырхагамхааит». 30 Уи ашьҭахь Моисеи афараон иҟынтә дцеит, нас Иегова диҳәеит. 31 Иегова Моисеи иҳәара наигӡеит, афараони, имаҵуцәеи, ижәлари ацәымҵқәа рҟынтә еиқәирхеит, акызаҵәыкгьы аанымхаӡеит. 32 Аха иара уажәгьы афараон иҽимԥсахӡеит, израильаагьы ауимышьҭӡеит.

9 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Афараон иахь уцаны абас сызиаҳә: „Ауриацәа Рынцәа Иегова абас иҳәоит: ‚Иоушьҭ сыжәлар, сымаҵ руларц азы. 2 Аха урҭ роушьҭра мап ацәкны, иааныскылоит ҳәа уалагар, 3 Иегова шәырахә ықәихуеит. Аҽқәеи, аҽадақәеи, амахҽқәеи, ашьамаҟеи, аԥсасеи ачымазара бааԥс рыхьны иԥсуеит. 4 Аха Иегова египтаа рырахә ирзиуа израильаа рырахә ирзиуӡом, израильаа рҿы ԥстәыкгьы ԥсӡом‘“». 5 Иегова аамҭа алихит, иагьиҳәеит: «Иегова ари шәыдгьыл аҿы уаҵәы иҟаиҵоит».

6 Адырҩаҽны Иегова ишиҳәаз еиԥш иҟаиҵеит. Египтаа рырахә аԥсра иалагеит, израильаа рҿы акәзар, ԥстәыкгьы мԥсӡеит. 7 Афараон ауаа анишьҭ, израильаа рҿы ԥстәыкгьы шымԥсыз еилкаахеит. Аха афараон* иҽимԥсахӡеит, иара израильаа ауимышьҭӡеит.

8 Уи ашьҭахь Иегова Моисеии Ааро́ни ус реиҳәеит: «Аԥечка* шәыҩнапык рызна ахәа ҭыжәга, нас уи Моисеи афараон ишибо аҳауа иалеиԥсааит. 9 Уи Египет зегь хызҩо сабахоит, насгьы Египет зегь аҿы ауаагьы аԥстәқәагьы ашәрақәа рылнахуеит».

10 Дара аԥечка аҟынтә ахәа аашьҭырхын, афараон иахь иааит. Моисеи уи аҳауа иалеиԥсан, ауаагьы аԥстәқәагьы ашәрақәа рылнахит. 11 Аныхаԥааҩцәа ашәрақәа ирыхҟьаны Моисеи иахь изцәырымҵӡеит, даргьы египтаа зегь реиԥш ашәрақәа рылнахит. 12 Аха Иегова афараон иаҿаршәны мап икыр иуит. Иара Моисеии Ааро́ни дырзымӡырҩӡеит, Иегова Моисеи ишиеиҳәахьаз еиԥш.

13 Уи ашьҭахь Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Ашьыжь шаанӡа угыланы афараон иахь уцаны абас сызиаҳә: „Абас иҳәоит ауриацәа Рынцәа Иегова: ‚Иоушьҭ сыжәлар, сымаҵ руларц азы. 14 Уажәшьҭа арыцҳарақәа зегь умаҵуцәеи, уареи, ужәлари рахь исырхоит, адгьыл аҿы сара исеиԥшу аӡәгьы дшыҟам еилукаарц азы. 15 Сара ужәлари уареи арыцҳара бааԥс шәақәыршәаны адгьыл аҟынтә шәықәысххьазаарын. 16 Аха сара уԥсы ҭаны уаансыжьит сымч усырбарц, сыхьӡгьы адунеи зегь иахыҵәарц. 17 Уара уажәыгьы уҽырԥагьаны сыжәлар ауушьҭыр уҭахӡам акәу? 18 Уаҵәы абри аамҭазы Египет ахаан имлеиц акырцх ӷәӷәа ласышьҭуеит. 19 Убри аҟынтә урахә-ушәахә, иара убас иутәу зегьы хыҵакырҭак аҿы еизга. Ахыҵакырҭахь имцакәа адәаҿы иаанхаз ауааи аԥстәқәеи зегьы акырцх иашьуеит‘“».

20 Иегова иажәақәа ирыцәшәаз афараон имаҵуцәа иаразнак ицан, рмаҵуцәеи рырахәи рыҩнқәа рахь иргеит. 21 Иегова иажәақәа ирзымӡырҩыз ракәзар, рмаҵуцәеи рырахәи адәаҿы иаанрыжьит.

22 Иегова Моисеи иеиҳәеит: «Унапы ажәҩан ахь ирха, Египет иҟоу ауааи, аԥстәқәеи, аҵиаақәеи рахь акырцх леирц азы». 23 Моисеи илабашьа ажәҩан ахь ианирха, Иегова адгьыл ахь адыди, акырцхи, амцеи* лаишьҭит. Иегова египеттәи адгьыл ахь акырцх лаишьҭит, 24 акырцх амца алҟьон. Египет аҭоурых аҿы уи аҩыза акырцх ӷәӷәа ҟамлацызт. 25 Египет зегь аҿы акырцх адәаҿы иҟаз ауааи, аԥстәқәеи, аҵиаақәеи ықәнахит. Иара убас аҵлақәа зегь хнажәеит. 26 Израильаа ахьынхоз гошентәи адгьыл аҿы заҵәык ауп акырцх ахьымлеиз.

27 Убри аҟынтә афараон Моисеии Ааро́ни даарыԥхьан, ус реиҳәеит: «Сара уажәазы агәнаҳа ҟасҵеит. Иегова диашоуп, сыжәлари сареи ахара ҳадуп. 28 Иегова шәсызиҳәа, адыд-мацәыси акырцхи аҟәыҵырц, усҟан шәоусышьҭуеит, шәааныскылаӡом». 29 Моисеи ус иҳәеит: «Ақалақь сшалҵлак еиԥш Иегова сиҳәоит*, усҟан адыд-мацәыс еиқәтәоит, акырцхгьы аҟәыҵуеит, адгьыл зегьы Иегова ишитәу еилукаарц азы. 30 Аха сара издыруеит убасҟангьы умаҵуцәеи уареи Анцәа Иегова шәшицәымшәало».

31 (Акырцх ақәни ачаԥшьи аҟәаҟәеит, избанзар ачаԥшь арыцқәа ҿалахьан, ақәны ашәҭра иаҿын. 32 Ачарыци даҽа чарыц хкыки ҟәаҟәаӡамызт, избанзар урҭ макьана иҟамлаӡацызт.) 33 Моисеи афараон иҟынтә дцеит. Ақалақь даналҵ, Иегова диҳәеит. Усҟан адыд еиқәтәеит, акырцхгьы ақәагьы алеира иаҟәыҵит. 34 Афараон ақәеи акырцхи алеира ишаҟәыҵыз, адыдгьы аҽшеиқәнакыз аниба, имаҵуцәагьы иаргьы уаанӡа еиԥш агәнаҳа аҟаҵара иалагеит, рҽагьырымԥсахӡеит. 35 Афараон иара итәы иаиргарц даҿын. Иегова Моисеи ила ишиҳәахьаз еиԥш, иара израильаа ауимышьҭӡеит.

10 Уи ашьҭахь Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Афараон иахь уца. Сара афараонгьы имаҵуцәагьы иаҿаршәны мап ркырц зуит. Уи зыҟасҵаз афараон иҿаԥхьа арҭ аџьашьахәқәа ҟасҵарц азоуп, 2 насгьы шәхәыҷқәеи шәмоҭацәеи египтаа шаҟа иџьбараны срызныҟәаз, иара убас закәытә џьашьахәқәоу рыбжьара иҟасҵаз рзеиҭашәҳәарц. Усҟан сара Иегова шсакәу еилышәкаауеит».

3 Моисеии Ааро́ни афараон иахь инеин ус иарҳәеит: «Абас иҳәоит ауриацәа Рынцәа Иегова: „Шаҟаамҭа усҿагылалозеи? Иоушьҭ сыжәлар, сымаҵ руларц азы. 4 Еиҭах иоусышьҭӡом ҳәа уалагар, уаҵәы удгьыл зегь асаранча ажәысҵоит. 5 Уи адгьыл умбо зегь хнаҩоит. Иара акырцх иацәынхаз зегь афоит, амхқәа рҿы иҟоу аҵлақәагьы зегь хнафаауеит. 6 Асаранча уҩни, умаҵуцәа рыҩни, Египет иҟоу аҩнқәеи ипылыпылуа ирыҩналоит. Уиаҟара асаранча уабацәагьы уабдуцәагьы ахаан ирымбацызт“». Абас ҳәаны иара афараон иҟынтә ддәылҵит.

7 Уи ашьҭахь афараон имаҵуцәа ус иарҳәеит: «Ҳабанӡаиргәаҟло ари ауаҩ? Иоушьҭ арҭ ауаа, Рынцәа Иегова имаҵ руларц азы. Египет анҵәара ишаҿу умбаӡои?» 8 Усҟан афараон Моисеии Ааро́ни даарыԥхьан, ус реиҳәеит: «Шәца, Шәынцәа Иегова имаҵ жәула. Аха ицода?» 9 Моисеи иҳәеит: «Хәыҷгьы-дугьы ҳцоит, ҳаҷқәынцәеи, ҳаԥҳацәеи, ҳуасақәеи, ҳшьамаҟеи ҳаманы ҳцоит, избанзар Иегова изку аныҳәа ҳамоуп». 10 Аха афараон ус иҳәеит: «Знымзар-зны шәхәыҷқәеи шәареи шәоусышьҭыр, усҟан ииашаҵәҟьаны Иегова дшәыцуп! Шәгәы ацәгьара шҭашәкыз еилыкка иубарҭоуп. 11 Мап, ахацәа заҵәык цаны Иегова имаҵ руааит. Уи ауми ишәҭахыз?» Абас ҳәаны афараон урҭ дәылицеит.

12 Иегова Моисеи иеиҳәеит: «Унапы неиҵыхны Египет ахь ирха, усҟан Египет асаранча ажәлоит. Иара уи адгьыл аҿы акырцх иацәынхаз аҵиаақәа зегь афоит». 13 Моисеи Египет ахь илабашьа анирха, Иегова мрагыларатәи аԥша аирсит. Аҽнынтәараки аухантәараки аԥша асуан, ашьжьымҭан уи асаранча аанагеит. 14 Асаранча Египет зегь иахыҵәеит. Уи рыцҳара духеит. Уиаҟара асаранча ахаангьы иҟамызт, иҟаларангьы иҟам. 15 Иара адгьыл зегь хнаҩан, зегь еиқәаҵәаӡа иҟалеит. Асаранча аҵиаақәа зегь афеит, акырцх иацәынхаз ашәыргьы афеит. Египеттәи адгьыл аҟны аҵлақәа рҿы бӷьыцкгьы аанымхеит, шьац иаҵәакгьы аанымхеит.

16 Афараон иаразнак Моисеии Ааро́ни даарыԥхьан, ус реиҳәеит: «Сара Шәынцәа Иегова иҿаԥхьеи шәара шәҿаԥхьеи агәнаҳа ҟасҵеит. 17 Сыгәнаҳа даҽа знык исанашәыжь, насгьы Шәынцәа Иегова шәиҳәа, ари арыцҳара сԥыригарц». 18 Иара* афараон иҟынтә ддәылҵын Иегова диҳәеит. 19 Усҟан Иегова аԥша ахырхарҭа иԥсахын, мраҭашәаратәи аԥша ӷәӷәа асаранча Амшын ҟаԥшь ахь иагеит. Египеттәи адгьыл аҿы саранчакгьы аанымхаӡеит. 20 Аха Иегова афараон иаҿаршәны мап икыр иуит, иаргьы израильаа ауимышьҭӡеит.

21 Иегова Моисеи иеиҳәеит: «Унапы неиҵыхны ажәҩан ахь ирха, Египет алашьцара ахаԥарц азы, уаҩ иимбац алашьцара жәпа». 22 Моисеи иаразнак инапы ажәҩан ахь ирхеит, усҟан Египет алашьцара жәпа ахаԥеит, хымшгьы иахаԥаны иҟан. 23 Алашьцара иахҟьаны аӡәи-аӡәи зеибабаӡомызт. Хымш аӡәгьы иҩны ддәылымҵӡеит, израильаа ахьынхоз акәзар, алашара ыҟан. 24 Уи ашьҭахь афараон Моисеи диԥхьан, ус иеиҳәеит: «Шәца, Иегова имаҵ жәула. Шәхәыҷқәагьы шәыцны ицар ҟалоит. Амала, шәуасақәеи шәшьамаҟеи аанхааит». 25 Аха Моисеи иҳәеит: «Мап, аԥстәқәагьы ҳауҭоит*, акәырбанқәеи ирбылуа акәырбанқәеи рзы, избанзар Ҳанцәа Иегова урҭ изнаҳгар ауп. 26 Ҳарахәгьы ҳацны ицоит, ԥстәыкгьы аанхаӡом, избанзар Ҳанцәа Иегова ҳанимҵахырхәало ҳарахә ахәҭак ҳҭаххоит. Уахь ҳнеиаанӡа Иегова кәырбанс изнаҳго ҳаздырӡом». 27 Аха Иегова афараон иаҿаршәны мап икыр иуит, иаргьы урҭ роушьҭра иҭахымхаӡеит. 28 Афараон Моисеи иеиҳәеит: «Уца наҟ! Уаҳа сыла уҽаумырбан! Даҽазны уанааи, усшьуеит». 29 Моисеи иҳәеит: «Ибзиоуп, уаҳа ула сабараны сыҟаӡам».

11 Иегова Моисеи иеиҳәеит: «Сара афараони Египети даҽа рыцҳарак иақәсыршәоит. Уи ашьҭахь иара шәоуишьҭуеит, шәоуишьҭуеит акәым, наҟ шәықәицоит. 2 Ажәлар ираҳә ҳәсеи хацәеи зегьы ргәылацәа ахьи араӡни рырҭарц ирыҳәарц». 3 Иегова египтаа ижәлар ирзыразхартә иҟаиҵеит. Уи адагьы, Моисеи Египет ҳаҭыр ду иқәын — афараон имаҵуцәагьы ажәларгьы ҳаҭыр иқәырҵон.

4 Моисеи афараон иеиҳәеит: «Абас иҳәоит Иегова: „Ҵхагәазы сара Египет салсуеит. 5 Убасҟан египеттәи адгьыл аҿы раԥхьа ииз аԥацәа зегь ԥсуеит, аҳ итәарҭаҿы итәоу афараон иԥа инаиркны напыла илаго амаҵуҩԥҳәыс лԥа иҟынӡа, иара убас аԥстәқәа раԥхьатәи рԥацәа зегьы. 6 Египеттәи адгьыл зегь аҵәыуабжь ықәыҩлоит. Уи аҩыза аҵәыуабжь ахаангьы иҟамызт, иҟаларангьы иҟам. 7 Аха израильаа рырахәи дареи алаҵәҟьагьы реишуам. Убасала шәара еилышәкаауеит Иегова египтаа дышрызныҟәо еиԥш израильаа дшырзымныҟәо“. 8 Убасҟан умаҵуцәа зегьы ааины саԥхьа ишьамхышгыланы исыҳәоит: „Уқәҵ. Ужәларгьы уаргьы шәықәҵ“. Убри ашьҭахь сара сцоит». Абас ҳәаны, Моисеи иԥсахы еибакны афараон иҟынтә ддәылҵны дцеит.

9 Иегова Моисеи иеиҳәеит: «Афараон дышәзыӡырҩӡом, Египет иҵегь аџьашьхәқәа ҟасҵарц азы». 10 Моисеии Ааро́ни афараон иҿаԥхьа ирацәаны аџьашьхәқәа ҟарҵахьан, аха Иегова афараон иаҿаршәны мап икыр иуит, иаргьы израильаа идгьыл аҟынтә иоуимышьҭӡеит.

12 Иегова Моисеии Ааро́ни египеттәи адгьыл аҿы ус реиҳәеит: 2 «Ари амза ашықәс алагамҭа* акәхоит. Шәара шәзы уи ашықәс актәи амза акәхоит. 3 Израильтәи ажәлар зегьы ус рашәҳә: „Ари амза ажәабатәи амш аҽны дасу иҭаацәаразы, иҩнаҭазы асыс игааит. 4 Асыс рфартә еиԥш иҩнаҭаҿы ауаа маҷзар, иааигәара инхо игәыла диԥхьааит. Дасу шаҟа ифо инақәыршәаны ауаа рхыԥхьаӡара еилыркааит. 5 Уи шықәсык зхыҵуа, гра змам ԥстәызароуп, иҷкәынзароуп. Шәара асыс ма аӡыс жәгар шәылшоит. 6 Уи ари амза жәиԥшьтәи амш аҽнынӡа шәахылаԥшлоит, жәиԥшьтәи амш аҽны, аилашәшәымҭаз, израильтәи ажәлар рҿы ҭаацәарацыԥхьаӡа уи ршьуеит. 7 Ашьтәа ахьырфо аҩнқәа рҿы ахышәи ашәвазқәеи уи ашьа ақәдырԥҟҟааит.

8 Акәац уи аухаҵәҟьа ифатәуп. Уи амцаҿы иӡны, арҵәыга змам ачеи иашоу аҳаскьынқәеи ирыцфатәуп. 9 Ишәымфан ишаӡоу* ма ижәны. Асыс амцаҿы ижәӡы, ахи, ашьапқәеи, арҳәарахи шацу. 10 Шьыжьынӡа акгьы ааншәмыжьын, аха акраанхар, ижәблы. 11 Шәара уи шәмаҟақәа шәымӷаҵаны, шәсандалеимаақәа шәышьаҵаны, шәлабашьақәа кны ишәфароуп. Шәааццакны ишәфа. Ари Иегова и-Мшаԥы ауп. 12 Уи ауха сара Египет салсны, раԥхьа ииз аԥацәа зегь сшьуеит, ауаа рыбжьарагьы аԥстәқәа рыбжьарагьы. Сара египтаа рынцәахәқәа зегьы рықәнага иақәсыршәоит. Сара Иегова соуп. 13 Шәыҩнқәа ирыхьшьу ашьа дыргас иҟалоит: уи анызбалак, шәыҩнқәа сраҩсны сцоит. Египет анахьсырхәуа, арыцҳара шәара ишәкьысӡом.

14 Ари амш шәара шәзы игәаларшәага мшны иҟалоит. Биԥарала уи Иегова изку ныҳәак еиԥш иазгәашәҭала. Ари ԥсахра зқәым ԥҟароуп. 15 Бжьымш арҵәыга злам ача шәфала. Актәи амш аҽны шәыҩнқәа рҟынтә арҵәыга ықәыжәга. Арҭ бжьымш рыҩныҵҟа арҵәыга аҭаны иҟаҵоу фатәык зфаз ауаҩы дышьтәуп. 16 Актәи амш аҽни абыжьбатәи амш аҽни Анцәа шәимҵахырхәаларц шәеизалоит, уи иԥшьоу еизарахоит. Урҭ амшқәа раан иарбан усзаалак анагӡара ҟалаӡом. Ишәфаша афатә заҵәык ҟашәҵар ҟалоит.

17 Арҵәыга злам ача аныҳәа азгәашәҭала, избанзар уи амш аҽны сара зхыԥхьаӡара рацәоу шәыжәлар* Египет иалызгоит. Уи амш биԥарала иазгәашәҭала. Ари ԥсахра зқәым ԥҟароуп. 18 Арҵәыга злам ача шәфала актәи амза жәиԥшьтәи амш ахәылбыҽха инаркны уи амза ҩажәи актәи амш ахәылбыҽханӡа. 19 Бжьымш шәыҩнқәа рҿы арҵәыга ыҟамзароуп. Арҵәыга змоу фатәык зфаз дарбанзаалак, атәым тәыла датәызаргьы израильаа дреиуазаргьы, дышьтәуп. 20 Арҵәыга змоу акгьы шәымфан. Шәыҩнқәа зегь рҿы арҵәыга злам ача шәфала“».

21 Моисеи иаразнак Израиль аиҳабацәа зегьы дрыԥхьан, ус реиҳәеит: «Шәҭаацәарақәа рзы иҿоу аԥстәқәа* алхны, Мшаԥазтәи акәырбан шәшьы. 22 Нас аиссоп ааидкыланы, ашьа зну алагьан иҭшьны, шәышә ашәвазқәеи ахышәи иақәшәырԥҟҟа. Шьыжьынӡагьы аӡәгьы аҩны ддәылымҵааит. 23 Иегова египтаа рышьра даналагалак, ахышәи ашәвазқәеи рҿы ашьа анибалак, Иегова уи ашә даҩсны дцоит, аԥсра аазго арыцҳара шәыҩны инеиргьы иуӡом.

24 Иазгәашәҭала ари ахҭыс. Ари шәхәыҷқәеи шәареи инашәыгӡалаша ԥсахра зқәым ԥҟароуп. 25 Шәара уи азгәашәҭалароуп Иегова шәызқәиргәыӷыз адгьыл ахь шәаннеилакгьы. 26 Шәхәыҷқәа „ҵакыс иамои ари аныҳәа“ ҳәа ианшәазҵаалак, 27 ирашәҳәа: „Ари Мшаԥныҳәа аҽны Иегова изнаҳго кәырбануп. Уи амш азы иара Египет израильаа рыҩнқәа драҩсны дцеит. Иара египтаа ишьит, аха ҳҭаацәарақәа рыцҳаишьеит“».

Усҟан ажәлар шьамхышгыланы Анцәа иеихырхәеит. 28 Израильаа цан Иегова Моисеии Ааро́ни ишреиҳәаз еиԥш зегь ҟарҵеит. Убасҵәҟьа иагьыҟарҵеит.

29 Ҵхагәазы Иегова Египет раԥхьа ииз аԥацәа зегь ишьит, аҳ итәарҭаҿы итәаз афараон иԥа инаиркны абахҭа иҭакыз абаандаҩы иԥа иҟынӡа, иара убас ишьит аԥстәқәа раԥхьатәи рԥацәа зегьы. 30 Афараон уи ауха дгылеит, игылеит имаҵуцәа зегьы, иара убас египтаа зегьы. Египет аҳәҳәабжь геит, избанзар аӡә дахьымԥсыз ҩнаҭак ыҟамызт. 31 Уи аухаҵәҟьа афараон Моисеии Ааро́ни дрыԥхьан, ус реиҳәеит: «Шәықәҵ! Шәҩыџьагьы израильтәи ажәлар шәыманы сыжәлар шәрылҵны шәца. Шәца, ишышәҳәахьаз еиԥш Иегова имаҵ жәула. 32 Шәыԥсасагьы шәшьамаҟагьы шәыманы шәца, ишышәҳәахьаз еиԥш. Амала, Анцәа дысзылԥхарц шәиҳәа».

33 Египтаа израильаа Египет иалҵны ицарц азы идырццакуа иалагеит. Дара ирҳәон: «Мамзар ҳаззегьы ҳаԥсуеит!» 34 Усҟан ауаа арҵәыга змамыз амажәа зныз асаарақәа аашьҭырхын, рымаҭәа иларҳәан, рыжәҩахыр иқәыргыланы иргеит. 35 Израильаа, Моисеи ишреиҳәаз еиԥш, египтаа ахьи, араӡни, амаҭәеи рырҭарц ирыҳәеит. 36 Иегова египтаа израильаа ирзыразхартә еиԥш иҟаиҵеит, убри аҟынтә дара урҭ иаарҳәаз зегь рырҭеит. Убасала израильаа египтаа ирымаз зегь рымырхит.

37 Израильаа Раамсе́с иқәҵны Сукко́тҟа идәықәлеит — 600 000-ҩык раҟара ахацәа*, ахәыҷқәа аламҵаӡакәа. 38 Егьырҭ ажәларқәа рҟынтә имаҷҩымкәа ауаагьы рыццеит, ԥхьаӡашьак змамыз аԥсасагьы ашьамаҟагьы ргеит. 39 Дара Египет аҟынтә иргаз амажәа иалхны арҵәыга зламыз ача аӡра иалагеит. Амажәа арҵәыга амаӡамызт, избанзар дара Египет иалырцеит, ак архиарагьы иахьымӡаӡеит.

40 Израильаа Египет 430 шықәса инхон. 41 430 шықәса анынҵәа амш аҽны зхыԥхьаӡара рацәаз Иегова ижәлар* Египет иалҵит. 42 Израильаа Иегова Египет ианалигаз ари аҵх рхадмыршҭлароуп. Ари аҵх азы ажәлар зегьы биԥарала Иегова изку аныҳәа азгәарҭалароуп.

43 Иегова Моисеии Ааро́ни ус реиҳәеит: «Абар Мшаԥныҳәа иадҳәалоу аԥҟара: атәымтәылауаҩ Мшаԥныҳәазы инарго акәырбан ифар ҟалаӡом. 44 Аӡәы ԥарала иааихәаз амаҵуҩы димазар, уи иаԥхьатә хисааит, усҟан уи акәырбан ифар ҟалоит. 45 Аха шәыбжьара инхо атәымтәылауаҩи қьырала аус зуеи уи рфар ҟалаӡом. 46 Мшаԥныҳәазы инарго акәырбан аҩны ифатәуп. Уи акәац аҩны идәылшәымган, иалоу баҩыкгьы ԥышәымҵәан. 47 Мшаԥныҳәа израильаа зегьы иазгәарҭалароуп. 48 Шәыбжьара инхо атәымтәылауаҩ Иегова изку Мшаԥныҳәа азгәеиҭарц иҭахызар, иҩнаҭаҿы иҟоу ахацәа зегьы раԥхьатә хсатәуп. Усҟан иара уи аныҳәа азгәеиҭар илшоит, израильаагьы дреиуахоит. Аха заԥхьатә хсам дызусҭазаалак уи ифар ҟалаӡом. 49 Израильаа рзгьы ишәыланхо атәымтәылауаа рзгьы закәанк акәзароуп иҟазар ахәҭоу».

50 Израильаа Иегова Моисеии Ааро́ни ишреиҳәаз еиԥш зегь ҟарҵеит. Убасҵәҟьа иагьыҟарҵеит. 51 Убри амш аҽныҵәҟьа Иегова зхыԥхьаӡара рацәаз ижәлар, израильаа, Египет иалигеит.

13 Иегова Моисеи иеиҳәеит: 2 «Раԥхьа ииуа аԥацәа зегьы сара исызкла*. Израиль раԥхьа ииуа аԥацәа зегьы сара истәуп, ауаа рыбжьарагьы аԥстәқәа рыбжьарагьы».

3 Моисеи ажәлар иреиҳәеит: «Маҵуцәас шәахьыҟаз Египет шәаналҵыз ари амш шәхашәмыршҭлан, Иегова Египет напы ӷәӷәала шәаналигаз амш. Арҵәыга змоу акгьы шәымфан. 4 Шәара ари амш аҽны, ави́в* амзазы, Египет шәалҵуеит. 5 Анцәа шәабацәа рабацәа дықәны иреиҳәахьан ахши ацхеи меигӡарахда иахьыҟоу ханаа́нааи, хе́ттааи, аморе́иааи, хиве́иааи, иеву́сааи рыдгьыл шшәиҭо. Иегова уахь шәаннеигалак, ави́в амзазы ари ахҭыс азгәашәҭала. 6 Бжьымш арҵәыга злам ача шәфала, абыжьбатәи амш аҽны Иегова изку аныҳәа ҟалоит. 7 Бжьымш арҵәыга злам ача шәфалароуп, арҵәыга змоу ҳәа акгьы шәымамзароуп, шәахьынхо џьаргьы арҵәыга ыҟамзароуп. 8 Уи аҽны шәхәыҷқәа абас рашәҳәароуп: „Ари зыҟаҳҵо Египет ҳаналҵыз Иегова иаҳзыҟаиҵаз ҳгәалаҳаршәаларц азоуп“. 9 Ари шәнапы иану дыргак еиԥш, шәылахь иану гәаларшәагак еиԥш ишәзыҟалоит, Иегова изакәан еснагь ишәҿазарц азы, избанзар Иегова напы ӷәӷәала Египет шәалигеит. 10 Есышықәса иазалху аамҭазы ари аԥҟара нашәыгӡала.

11 Иегова шәабацәеи шәареи дықәны ишәысҭоит ҳәа ииҳәаз ханаа́наа рыдгьыл ахь шәаннеигалак, 12 раԥхьа ииуа шәԥацәеи аԥстәқәа раԥхьатәи рԥацәеи Иегова изышәкла. Раԥхьа ииуа аԥацәа Иегова итәуп. 13 Раԥхьа ииуа аҽадақәа уасала иҿышәхла. Иҿышәымхуазар, ахәдаџьал хыжәжәа. Раԥхьа ииуа шәыҷкәынцәагьы ҿышәхлароуп.

14 Шәаԥхьаҟа шәхәыҷқәа „ҵакыс иамои ари аныҳәа“ ҳәа ианшәазҵаалак, ирашәҳәа: „Иегова напы ӷәӷәала маҵуцәас ҳахьыҟаз Египет ҳалигеит. 15 Афараон иаҿаршәны мап кны ҳаноуимышьҭуаз, Иегова Египет раԥхьа ииз аԥацәа зегьы ишьит, ауаа рыбжьарагьы аԥстәқәа рыбжьарагьы. Убри азоуп аԥстәқәа раԥхьатәи рԥацәа Иегова кәырбанс изизнаҳго, раԥхьа ииз ҳаҷкәынцәагьы зҿаҳхуа“. 16 Ари Иегова напы ӷәӷәала Египет шәшалигаз шәгәалазыршәо шәнапы иану дыргак еиԥш, шәылахь иакәыршоу ҿаҳәагак еиԥш ишәзыҟалоит».

17 Афараон израильаа аноуишьҭ, Анцәа урҭ филисти́маа рыдгьыл иалсны ицоз икьаҿыз амҩала имгаӡеит. Анцәа иҳәеит: «Аибашьра аҭаххар, ажәлар ахьхәны Египетҟа ихынҳәыр алшоит». 18 Анцәа урҭ Амшын ҟаԥшь аҿы иҟаз ацәҳәырахь уназгоз амҩала иакәыршаны игеит. Израильаа аруаа реиԥш еиҿкааны Египет иалҵит. 19 Моисеи Иосиф ибаҩқәа игеит, избанзар Иосиф Израиль иԥацәа рқәны ажәа рымиххьан, иагьреиҳәахьан: «Анцәа хымԥада шәаанижьӡом, усҟан арантәи сыбаҩқәа алыжәга». 20 Дара Сукко́т иқәҵын, рлагер ацәҳәыра аҿықәан ишьҭаз Ефа́м идыргылеит.

21 Иегова амҩа дирбаларц азы раԥхьа дгыланы дцон, ҽынла аԥҭа шьаҟала амҩа дирбон, уахынла амца шьаҟала рымҩа ирлашон, уахгьы-ҽынгьы иахьцо рбаларц азы. 22 Ҽынла аԥҭа шьаҟа рааигәара иҟан, уахынла — амца шьаҟа.

14 Иегова Моисеи иеиҳәеит: 2 «Израильаа хынҳәны, Ваа́л-Цефо́н иаҵанакуа аҭыԥ аҿы, Мигдо́ли амшыни рыбжьара, Пи-Хахиро́т аҿаԥхьа рлагер дыргыларц раҳәа. Амшын аҿықәан Ваа́л-Цефо́н аҿаԥхьа шәлагер шәыргыл. 3 Усҟан афараон израильаа рзы иҳәоит: „Дара ҟьалеит, ацәҳәыраҿы ашьацҳәа иаҿашәеит“. 4 Сара афараон иара итәы иаиргоит ҳәа далагар зуеит, иаргьы урҭ дрышьҭалоит. Сара афараон ири иареи сыриааины, сыхьӡ ҳараскуеит. Убасҟан египтаа еилыркаауеит сара Иегова шсакәу». Израильаа убас иагьыҟарҵеит.

5 Ԥыҭрак ашьҭахь египеттәи аҳ израильаа шцаз иарҳәеит. Афараон имаҵуцәеи иареи урҭ ахьоурышьҭыз иахьхәит, иагьырҳәеит: «Иҟаҳҵаз закәи? Ҳмаҵуцәа, израильаа, зоуҳашьҭи?» 6 Афараон аҽыуардынқәа дырхиарц адҵа ҟаиҵеит, ируаагьы иманы ддәықәлеит. 7 Иара игеит иреиӷьыз 600 ҽыуардыни Египет иҟаз егьырҭ аҽыуардынқәеи аруаа рыцны. 8 Иегова египеттәи аҳ афараон иара итәы иаиргоит ҳәа далагар иуит, иаргьы израильаа дрышьҭалеит. Убри аамҭазы израильаа шәарак аамырԥшӡакәа, аиааира згаз реиԥш Египет алҵра иаҿын. 9 Египтаа — афараон иҽыуардынқәеи, иҽыуаҩцәеи, ируааи — урҭ ирышьҭалан, Пи-Хахиро́т азааигәара, Ваа́л-Цефо́н аԥхьа, амшын аҿықәан лагерла иангылаз ирыхьӡеит.

10 Афараон израильаа данырзааигәаха, израильаа ирбеит египтаа рышьҭаланы ишаауаз. Дара даараӡа ишәан, ацхырааразы Иегова иҳәара иалагеит. 11 Дара Моисеи ус иарҳәеит: «Ацәҳәырахь ҳааганы ҳзушьуеи, Египет анышә ҳахьарҭоз ыҟаӡамзи? Иаҳзууз закәи? Египет ҳалганы ҳзааугеи? 12 „Египтаа рымаҵ ҳаулоит, уаҳҟәаҵ наҟ“ ҳәа уаҳамҳәаӡози? Ацәҳәыраҿы ҳаԥсыр аасҭа урҭ рымаҵ ҳаулар еиҳа еиӷьуп». 13 Усҟан Моисеи ажәлар ус реиҳәеит: «Шәымшәан. Шәгыланы, иахьа Иегова шәшеиқәирхо шәахәаԥшла, избанзар уажәы ижәбо египтаа уаҳа ахаангьы шәыла иабараны иҟаӡам. 14 Иегова шәара шәзы деибашьлоит. Шәара шәакәзар, шәгыланы шәыԥшлоит».

15 Иегова Моисеи иеиҳәеит: «Сара узсыԥхьои? Израильаа рлагер еидыркыларц раҳә. 16 Уара уакәзар, унапы неиҵыхны, улабашьа амшын ахь ирханы амшын еиҟәша, израильаа ибаз амшын аҵа иҭысны ицарц азы. 17 Сара египтаа дара ртәы иадыргоит ҳәа иалагарц, насгьы израильаа ирышьҭаларц зуеит. Афараони, ируааи, иҽыуардынқәеи, иҽыуааи сыриааины, сыхьӡ ҳараскуеит. 18 Сара афараони, иҽыуардынқәеи, иҽыуааи, сыриааины сыхьӡ анҳарасклак, египтаа еилыркаауеит сара Иегова шсакәу».

19 Израильаа раԥхьа игыланы ицоз Анцәа ду имаалықь диасны рышьҭахьҟа дгылеит. Усҟан алагер аԥхьа иҟаз аԥҭа шьаҟа рышьҭахьҟа ииасит. 20 Убасала аԥҭа шьаҟа египтааи израильааи рыбжьара иҟалеит. Аԥҭа шьаҟа азганк еиқәаҵәаӡа иҟан, егьи аган — уахынла илашон. Уи ауха египтаа израильаа рааигәара изымнеиӡеит.

21 Моисеи инапы неиҵыхны амшын ахь ирхеит, усҟан Иегова аухантәарак мрагыларатәи аԥша ӷәӷәа арсуа, аӡы еиҩишеит, амшын аҵагьы ирбеит. 22 Израильаа ибаз амшын аҵа иқәланы рҿынархеит, аӡқәа наҟ-ааҟ аҭӡамцқәа реиԥш игылан. 23 Усҟан египтаа урҭ ирышьҭалеит, афараон иҽқәа зегьы, иҽыуардынқәа, иҽыуаа амшын ахь еихеит. 24 Ашара иалагаанӡа* Иегова амца шьаҟеи аԥҭа шьаҟеи аҟынтә египтаа рыруаа днарыхәаԥшын, хыла-гәыла еилеиҵеит. 25 Иара урҭ рҽыуардынқәа рыгьежьқәа* аҵышәшәартә еиԥш иҟаиҵеит, убри аҟынтә египтаа урҭ рныҟәцара рцәыуадаҩхеит. Усҟан дара еибарҳәҳәо ҿаарҭит: «Ҳгьежьып! Израильаа ҳарцәыбналароуп, избанзар Иегова дрыдгыланы дҳабашьуеит».

26 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Унапы неиҵыхны амшын ахь ирха, аӡқәа рҭыԥ ахь игьежьны, египтаа рҽыуардынқәеи, рҽыуааи, дареи ирыжәларц азы». 27 Моисеи инапы неиҵыхны, амшын ахь ирхеит, аӡқәагьы ашамҭазы рҭыԥ ахь ихынҳәит. Египтаа бналар рҭахын, аха Иегова урҭ амшын иалаижьит. 28 Аӡқәа рҭыԥ ахь ихынҳәын, израильаа ирышьҭаланы амшын иагәылалаз афараон иҽыуардынқәеи, ируааи, иҽыуааи ирыжәлеит. Зегь ҭахеит.

29 Израильаа ракәзар, ибаз амшын аҵа иҭысны ицеит, аӡқәа наҟ-ааҟ аҭӡамцқәа реиԥш игылан. 30 Уи аҽны Иегова израильаа египтаа рҟынтә еиқәирхеит, дара иԥсны амшын аҟәара иқәжьыз египтаа рбеит. 31 Убасала израильаа Иегова имч ду* рбеит — египтаа злаҭаирхаз имч ду. Усҟан ажәлар Иегова ицәшәо иалагеит, насгьы Иеговеи имаҵуҩы Моисеии рыгәра ргеит.

15 Убасҟан Моисеии израильааи Иегова абас ашәа изырҳәо иалагеит:

«Иегова ашәа изысҳәалоит, избанзар иара ихьӡ ҳареикит.

Аҽгьы аҽыуаҩгьы амшын иалаижьит.

 2 Иах* сымч-сылшара иоуп, иара Сеиқәырхаҩ иакәны дҟалеит.

Иара Сынцәа иоуп, убри аҟынтә дсырҽхәалоит, саб Инцәа иоуп, убри аҟынтә дҳарасклоит.

 3 Иегова аибашьҩы ӷәӷәа иоуп. Иара Иегова ихьӡуп.

 4 Иара афараон иҽыуардынқәеи ируааи амшын иалаижьит,

Иреиӷьыз аибашьцәа Амшын ҟаԥшь аҿы иӡааҟәрылеит.

 5 Еилашуаз аӡқәа урҭ ирхыҵәеит, ахаҳә еиԥш аҵахь ицеит.

 6 Уарӷьа напы, Иегова, даараӡа иӷәӷәоуп,

Уарӷьа напы, Иегова, аӷа дҭанархоит.

 7 Уара убриаҟара уҳаракуп, иуҿагыло зегь уриааир улшоит.

Амца еиԥш еилашуа угәыԥжәара ааушьҭуеит — иаргьы урҭ аҭәа еиԥш иқәнаблаауеит.

 8 Уԥынҵа иҭҟьоз аԥсыԥ аӡқәа еиланаргылеит,

Арҩашқәа рымҩа кны, аҭӡамц еиԥш игылеит,

Еилашуаз аӡқәа амшын агәаҿы изымҵысуа иаанхеит.

 9 Аӷа иҳәеит: „Срышьҭаланы сцап, сагьрыхьӡап!

Ирымоу зегь рымысхып, еимысҵәап, усҟан сгәы ҭынчхоит!

Саҳәа ҭызгап, снапаҿгьы урҭ аазгап!“

10 Уара амшын уаҭәҳәан, урҭ хнаҩеит.

Атса еиԥш аӡ дуқәа рҿы иӡааҟәрылеит.

11 Иегова, уара иуеиԥшу анцәа дыҟоума?

Уара уеиԥш иԥшьоу аӡәыр дыҟоума?

Уара уоуп изыцәшәалатәу, уара уоуп ашәақәа рыла ирҽхәалатәу — уара, аџьашьахәқәа ҟазҵо.

12 Уара уарӷьа напы анеиҵух, адгьыл урҭ ахәланагалеит.

13 Гәыбылрала иҭәу убзиабара иҿухыз ужәлар мҩақәнаҵоит,

Уара умч урҭ иԥшьоу унхарҭа ҭыԥ ахь инанагоит.

14 Ажәларқәа уи раҳауеит, иагьшәаӡыӡоит,

Филисти́а инхо зегь ашәара* рызцәырҵуеит.

15 Убасҟан едо́маа рабиԥарақәа рхадацәа шәаны иҵысҵыслоит,

Амчра ду змоу моавтәи анапхгаҩцәа аҟәара-ҟәараҳәа еиҵаслоит.

Ханаа́н инхо зегь ргәы каҳауеит.

16 Урҭ ашәареи агәыҭҟьеи иагоит.

Умч ду ахаҳә еиԥш изеиҭамҵуа иҟанаҵоит,

Ужәлар ииасны ицаанӡа, Иегова,

Иушаз ужәлар ииасны ицаанӡа.

17 Уара урҭ ааугоит, ушьхаҿгьы инурхоит*,

Ухазы анхарҭа ахьурхиаз аҭыԥ аҿы, Иегова,

Унапқәа рыла иҟауҵаз аԥшьаҭыԥ аҿы, Иегова.

18 Иегова наӡаӡа аҳра иулоит.

19 Афараон иҽыуардынқәеи иҽыуааи амшын ианалала,

Иегова амшын аӡқәа ирхынҳәын, урҭ ирыжәиҵеит.

Израильаа ракәзар, ибаз амшын аҵа иқәланы, амшын иагәылсны ицеит».

20 Аԥааимбарԥҳәыс Мариа́м, Ааро́н иаҳәшьа, ахьархьар аашьҭыхны лҿыналхеит. Усҟан аҳәса зегьы ахьархьарқәа рыманы илышьҭалан, акәашара иалагеит. 21 Мариа́м ахацәа инарымалдан, абас ашәаҳәара далагеит:

«Иегова ашәа изышәҳәала, избанзар ихьӡ ҳареикит.

Аҽгьы аҽыуаҩгьы амшын иалаижьит».

22 Анаҩс Моисеи израильаа Амшын ҟаԥшь аҟынтә иманы ддәықәлеит, даргьы ацәҳәыра Шур ахь инеит. Урҭ хымш ацәҳәыра иқәын, аха аӡы џьаргьы ирзыԥшаауамызт. 23 Израильаа Ма́ра захьӡыз аҭыԥахь инеит, аха уа аӡы рзыжәуамызт, избанзар уи аӡы ашан. Убри азы уи аҭыԥ Ма́ра* ахьӡырҵеит. 24 Ажәлар Моисеи иахь агәынамӡара аарԥшны «иаҳжәуеи?» ҳәа игәамҵуа иалагеит. 25 Усҟан Моисеи Иегова ацхырааразы диҳәеит, Иеговагьы аҵла иирбеит. Моисеи уи аӡы иҭаижьын, аӡы ужәыртә иҟалеит.

Уа Анцәа урҭ аӡбаразы амҩақәҵарақәеи аԥҟарақәеи риҭеит, убра иагьԥишәеит. 26 Иара иҳәеит: «Шәара Шәынцәа Иегова гәыкала шәизыӡырҩлар, иара ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо ҟашәҵалар, иԥҟарақәа, иара убас изакәанқәа зегьы шәрықәныҟәалар, египтаа идсырхьыз ачымазарақәа шәсырхьӡом, избанзар сара, Иегова, шәызхәышәтәуа соуп».

27 Анаҩс Ели́мҟа инеит, уаҟа 12 ӡыхьи, 70 пальмеи ыҟан. Уа аӡы азааигәара рлагер дыргылеит.

16 Нас дара Ели́мынтәи иқәҵит. Египет ианалҵ ашьҭахь аҩбатәи амза жәохәтәи амш аҽны израильаа Ели́ми Синаии рыбжьара ишьҭоу ацәҳәыра Син ахь инеит.

2 Ацәҳәыраҿы израильаа зегьы Моисеии Ааро́ни рахь агәынамӡара аадырԥшуа иалагеит. 3 Дара ирҳәон: «Египет акәац зҭаз ачуанқәа ҳанрыдтәалаз, ҳазхара ача анаҳфоз Иегова ҳаишьыр еиҳа еиӷьымзи. Шәара ари ацәҳәырахь ҳаажәгеит, ажәлар зегьы амла иарганы ишәшьырц азы».

4 Усҟан Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Сара ажәҩан аҟынтә ақәеиԥш ача ласышьҭуеит. Ауаагьы есыҽны ицаны, мышказы шаҟа рҭаху еизыргалоит. Убасала сара урҭ ԥысшәоит, сзакәан иқәныҟәалоу-иқәымныҟәалоу еилыскаауеит. 5 Афбатәи амш аҽны абжьааԥны аасҭа ҩынтә еиҳаны еизыргааит, ҩымш ирфашагьы ҟарҵааит».

6 Моисеии Ааро́ни израильаа зегьы ус рарҳәеит: «Ахәылбыҽха шәара еилышәкаауеит Египет шәалызгаз Иегова шиакәу. 7 Ашьжьымҭан Иегова ихьӡ-иԥша жәбоит, избанзар Иегова иаҳаит иара иахь агәынамӡара шаашәырԥшуа. Ҳара ҳазусҭцәада, ҳара ҳахь агәынамӡара аашәырԥшыртә еиԥш?» 8 Анаҩс Моисеи иациҵеит: «Ахәылбыҽха Иегова акәац аншәиҭалак, ашьжьымҭан — шәызхара ача, усҟан еилышәкаауеит Иегова ишиаҳаз иара иахь агәынамӡара шаашәырԥшуа. Ҳара ҳазусҭцәада? Шәара агәынамӡара ахьаашәырԥшуа ҳара ҳахь акәӡам, Иегова иахь ауп».

9 Анаҩс Моисеи Ааро́н ус иеиҳәеит: «Израильаа зегьы абас раҳә: „Иегова иҿаԥхьа шәеиза, избанзар иара шәгәынамӡара иаҳаит“». 10 Ааро́н урҭ ажәақәа израильаа ианреиҳәа, дара наҳәын, ацәҳәырахь иԥшит, усҟан аԥҭа шьаҟаҿы ицәырҵыз Иегова ихьӡ-иԥша рбеит.

11 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 12 «Сара исаҳаит израильаа агәынамӡара шаадырԥшуа. Урҭ абас раҳә: „Аилашәшәымҭаз* шәара акәац шәфалоит, ашьжьымҭан шәызхара ача шәоуеит. Убасҟан еилышәкаауеит сара Шәынцәа Иегова шсакәу“».

13 Ахәылбыҽха а́чақәа ԥырны иаан, алагер иахыҵәеит, ашьжьымҭан алагер акәша-мыкәша аӡаӡа леит. 14 Аӡаӡа анықәба, адгьыл аҿы аҵааԥшқа иеиԥшыз, иссаз ак аанхеит. 15 Израильаа уи анырба, „изакәи ари?“ ҳәа аӡәи-аӡәи еизҵаауа иалагеит, избанзар изакәыз рыздырӡомызт. Моисеи ус реиҳәеит: «Ари Иегова ишәиҭаз ача ауп. 16 Абар Иегова ииҳәаз: „Дасу шаҟа изыфо еизигалааит. Шәқьалаҿы инхо рыцыԥхьаӡа гомо́рк-гомо́рк* еизыжәгала“». 17 Израильаа убас иагьыҟарҵеит. Дара уи ача еизыргеит, аӡәы еиҳаны еизигеит, даҽаӡәы еиҵаны. 18 Аха еизыргаз агомо́р ала ианыршәа, еиҳаны еизызгаз амцхә имаӡамызт, еиҵаны еизызгаз изхашаз иман. Убасала, дасу шаҟа изыфоз иман.

19 Моисеи ус реиҳәеит: «Шьыжьынӡа акгьы ааншәмыжьын». 20 Аха шьоукы Моисеи изымӡырҩӡакәа, ача шьыжьынӡа иаанрыжьит. Уи ахәа иркит, афыҩгьы го иалагеит. Убри аҟынтә Моисеи урҭ игәы рзыԥжәеит. 21 Есышьыжь дара ача еизыргон, дасу шаҟа изыфоз еизигон. Амра ашра ианалагалак, уи ӡыҭуан.

22 Афбатәи амш аҽны дара ҩынтә еиҳаны еизыргеит, рыцыԥхьаӡа ҩба-ҩба гомо́р. Ажәлар реиҳабацәа зегьы неин, уи Моисеи иарҳәеит. 23 Иара ус реиҳәеит: «Абар Иегова ииҳәаз: „Уаҵәы аԥсшьара иамшуп*, Иегова изку иԥшьоу сабшоуп. Иӡтәу жәӡы, ижәтәу жәжәы, иаанхо шьыжьынӡа ишәҵәахы“». 24 Дара Моисеи ишиҳәаз еиԥш, уи шьыжьынӡа иаанрыжьит, аха ача афҩы мгаӡеит, ахәагьы ирымкӡеит. 25 Моисеи ус реиҳәеит: «Иахьа уи шәфала, избанзар иахьа Иегова изку сабшоуп. Убри аҟынтә адгьыл аҿы акгьы шәзыԥшааӡом. 26 Шәара фымш ача еизыжәгалоит, абыжьбатәи амш аҽны, асабшазы, уи ҟалаӡом». 27 Ус шреиҳәазгьы, шьоукы абыжьбатәи амш азгьы ача еизыргоит ҳәа ицеит, аха акгьы рзымԥшааӡеит.

28 Усҟан Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Шаҟа аамҭа еилажәгалозеи сыԥҟарақәеи сзакәанқәеи? 29 Иегова асабша шшәиҭаз шәхашәмыршҭлан. Убри азоуп афбатәи амш азы ҩымш ишәызхаша ача зшәиҭо. Абыжьбатәи амш аҽны дасу иҩны даанхааит, џьаргьы дымцааит». 30 Усҟан ажәлар абыжьбатәи амш аҽны асабша азгәарҭо* иалагеит.

31 Израильаа уи ача аманна* ахьӡырҵеит. Уи шкәакәан, ԥшрала ахәысхәа* ажәла иеиԥшын, гьамала ацха змоу ачаџь иеиԥшын. 32 Моисеи иҳәеит: «Абар Иегова ииҳәаз: „Гомо́рк аманна еизганы, иҵәахны ишәымаз, иааиуа абиԥарақәа Египет шәаналызгаз, ацәҳәыраҿы ишәҿасҵоз ача рбаларц азы“». 33 Моисеи Ааро́н ус иеиҳәеит: «Аҟәџьал аашьҭыхны, гомо́рк аманна ҭаԥса, нас инаганы Иегова иҿаԥхьа иргыл, абиԥарақәа зегьы имырӡкәа иааргаларц азы». 34 Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш, Ааро́н уи ашаҳаҭра* аҿаԥхьа иргылеит, имырӡкәа иааргаларц азы. 35 Израильаа аманна 40 шықәса ирфон, ауаа ахьынхоз адгьыл ахь инеиаанӡа. Дара аманна рфон Ханаа́н аҳәаақәа рҟынӡа инеиаанӡа. 36 Агомо́р ае́фа* ажәабатәи ахәҭа ауп.

17 Израильаа ацәҳәыра Син аҟынтә иқәҵны ицеит. Дара Иегова ишиҳәаз еиԥш ҭыԥк аҟынтә даҽа ҭыԥк ахь ииасуан. Урҭ рлагер Рефиди́м идыргылеит, аха уа аӡы ыҟаӡамызт, ауаагьы иржәуа рымаӡамызт.

2 Убри аҟынтә дара Моисеи аҭыӡшәа илхуа ус рҳәон: «Аӡба ҳакуеит, аӡы ҳаҭ». Моисеи ус реиҳәеит: «Сара аҭыӡшәа сзашәыргои? Иегова дызԥышәшәои?» 3 Аха ажәлар ӡышон аҟынтә, Моисеи иахь агәынамӡара аарԥшуа, ус рҳәон: «Египет ҳалганы ҳзааугеи? Ҳаҷкәынцәеи, ҳарахәи, ҳареи ҳшабаны ҳаԥсырц азоума?» 4 Аҵыхәтәаны Моисеи Иегова ус иеиҳәеит: «Ирзызурызеи арҭ ауаа? Дара ахаҳә сарганы сыршьырц акгьы рыгым!»

5 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Израильаа реиҳабацәа ԥыҭҩык уманы, Нил узлаҭасыз алабашьа аашьҭыхны, ажәлар раԥхьа угыланы уца. 6 Сара Хори́в иҟоу ацаҟьаҿы уҿаԥхьа сгылоит. Уара уи ацаҟьа уасуеит, усҟан уантәи аӡы дәықәлоит, ауаагьы ажәра иалагоит». Моисеи израильаа реиҳабацәа рҿаԥхьа убас иагьыҟаиҵеит. 7 Иара уи аҭыԥ Ма́ссеи* Мери́веи* ахьӡиҵеит, избанзар уа израильаа аҭыӡшәа илырхуан, Иеговагьы дԥыршәон, абас ҳәо: «Иегова дҳацу-дҳацму?»

8 Уи ашьҭахь амали́каа Рефиди́мҟа иаан, израильаа ирықәлеит. 9 Моисеи Иисус Нави́н ус иеиҳәеит: «Ауаа алхны, амали́каа урабашь. Уаҵәы сара ахәаҿы сгылоит, снапаҿы Анцәа ду илабашьа скызаауеит». 10 Иисус Нави́н Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш иҟаиҵан, амали́каа рабашьра дцеит. Моисеии, Ааро́ни, Ху́ри ракәзар, ахәы ихалеит.

11 Моисеи инапқәа шьҭыхны иахьынӡеикыз, израильаа аиааиуан, инапқәа анылаирҟәуаз, амали́каа аиааиуан. 12 Моисеи инапқәа шьҭыхны рыкра аницәыцәгьаха, Ааро́ни Ху́ри ахаҳә аашьҭырхын, ивараҿы ишьҭарҵеит. Иара уи дықәтәеит, дара инапқәа шьҭыхны иркын, Ааро́н — ганкахьала, Хур — егьи аган ала. Убасала, амра ҭашәаанӡа Моисеи инапқәа шьҭыхны иркын. 13 Убас Иисус Нави́н амали́каа аҳәала дыриааит.

14 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Абри ргәалашәаларц азы ашәҟәы ианҵа, Иисус Нави́нгьы иаҳәа: „Ажәҩан аҵаҟа амали́каа аӡәгьы игәаламшәо иқәысхуеит“». 15 Моисеи акәырбаннагарҭа иргылеит, иагьахьӡиҵеит Иегова-Ни́сси, 16 иагьиҳәеит: «Амали́каа Иах инапхгара иаҿагылеит азы, Иегова урҭ ирхылҵуеи дареи есымша драбашьлоит».

18 Мадиантәи аԥшьаҩы Иофо́р, Моисеи иабхәа, иаҳаит Анцәа ижәлар Израильи Моисеии рзы иҟаиҵаз, иара убас Иегова Израиль Египет ишалигаз. 2 (Моисеи иԥҳәыс Циппо́ра Иофо́р иахь данишьҭ, иара уи дидикылеит, 3 ҩыџьа лԥацәагьы идикылеит. Руаӡәк Гершо́м* ихьӡын, избанзар Моисеи иҳәеит: «Сара ари адгьыл аҿы стәымуаҩуп», 4 егьи — Елиезе́р*, избанзар Моисеи иҳәеит: «Саб Инцәа сыцхырааҩ иоуп: иара афараон иаҳәа сацәихьчеит».)

5 Моисеи иабхәа Иофо́р Моисеи иԥҳәыси иԥацәеи иманы Моисеи иахь ацәҳәырахь днеит. Усҟан Моисеи илагер Анцәа ду ишьха азааигәара игылан. 6 Иара Моисеи абас изынаицҳаит: «Сара уабхәа Иофо́р соуп, уԥҳәыси ҩыџьа лыҷкәынцәеи сыманы уара уахь амҩа сықәуп». 7 Моисеи иаразнак иабхәа днеиԥылан диеихырхәеит, дагьгәыдикылеит. Нас русқәа шыҟаз инеизҵаа-ааизҵаан, ақьалахь инеит.

8 Моисеи иабхәа изеиҭеиҳәеит Иегова израильаа еиқәирхарц азы афараони Египети ирзиуз, иара убас изеиҭеиҳәеит израильаа амҩан изықәшәаз ауадаҩрақәа, насгьы Иегова урҭ шеиқәирхоз. 9 Иофо́р даараӡа деигәырӷьеит Иегова израильаа Египет иалигарц азы иҟаиҵаз зегь аниаҳа. 10 Иара иҳәеит: «Хьӡи-ԥшеи игымзааит Египет шәалызгаз, насгьы афараон шәицәызыхьчаз Иегова. Хьӡи-ԥшеи игымзааит ари ажәлар египеттәи ахәура иҭызгаз Анцәа. 11 Уажәшьҭа сара издыруеит Иегова анцәақәа зегьы дышреиҳау, избанзар иара ижәлар иԥагьаз, арыцҳашьара зламыз египтаа ирцәихьчеит». 12 Моисеи иабхәа Иофо́р Анцәа ирбылуа акәырбани егьырҭ акәырбанқәеи изнеигеит. Уи ашьҭахь Ааро́ни израильтәи ажәлар реиҳабацәеи Анцәа ду иҿаԥхьа Моисеи иабхәа акрыицырфарц инеит.

13 Адырҩаҽны Моисеи ишыҟаиҵалац еиԥш ажәлар рус аӡбаразы дтәеит, ауаагьы иара иҿаԥхьа шьыжьы инаркны хәлаанӡа игылан. 14 Моисеи иабхәа Моисеи ажәлар рзы иҟаиҵоз аниба, ус иҳәеит: «Ас зыҟауҵои? Ухала утәаны ажәлар русқәа уӡбоит, ажәлар ракәзар, шьыжьы инаркны хәлаанӡа ршьапы иқәгылоуп». 15 Моисеи иабхәа ус иеиҳәеит: «Ауаа сара сахь иаауеит Анцәа алабжьаразы иҳәарц. 16 Ҩыџьа аимак-аиҿак анрыбжьалалак, сара сахь иааны исарҳәоит. Сара урҭ рус сыӡбоит, насгьы Анцәа ду иӡбарақәеи изакәанқәеи рыласҳәоит».

17 Усҟан Моисеи иабхәа ус иҳәеит: «Иҟауҵо иашаӡам. 18 Ус ухгьы урааԥсоит, ауаагьы урааԥсоит, избанзар уи уара узы еидара хьанҭоуп. Ухала уи узгаӡом. 19 Усзыӡырҩы. Сара алабжьара усҭоит, Анцәагьы дуцзаауеит. Уара Анцәа ду иҿаԥхьа ауаа рхаҭарнакс уҟаз, русқәагьы Анцәа ду изеиҭаҳәала, 20 Анцәа иԥҟарақәеи изакәанқәеи дырҵала, изныланы ицалаша амҩа дырбала, иҟарҵалашагьы раҳәала. 21 Аха убри аамҭазгьы иалх ажәлар рҟынтә уи аус анагӡара зылшо, Анцәа ицәшәо, узықәгәыӷыртә иҟоу, зхатә феида иашьҭам ахацәа, нас урҭ еиҳабацәас зықьҩык, шәҩык, ҩынҩажәижәабаҩык, жәаҩык ирхаргыл. 22 Еиуеиԥшым азҵаарақәа анцәырҵуа, ажәлар рус дара ирыӡбалааит. Иуадаҩу азҵаарақәа уара иурҭалааит, имариоу — рхала ирыӡбалааит. Узҵоу аидара хьанҭа ырлас, даргьы иуцыргалааит. 23 Убас ҟауҵар — Анцәагьы ус ҟауҵарц уеиҳәар — узҵоу аидара уарааԥсаӡом, ауаагьы ргәы еихьызшьуа ҳәа акгьы роуӡом».

24 Моисеи иабхәа дизыӡырҩын, иаразнак ишиеиҳәаз еиԥш зегь ҟаиҵеит. 25 Иара израильаа рҟынтә иалихит ажәлар рус аӡбара зылшоз ахацәа. Иара урҭ зықьҩык, шәҩык, ҩынҩажәижәабаҩык, жәаҩык еиҳабацәас ирхаиргылеит. 26 Еиуеиԥшым азҵаарақәа анцәырҵуаз, дара ажәлар рус рыӡбон, иуадаҩыз азҵаарақәа Моисеи ирҭон, имариаз — рхала ирыӡбон. 27 Уи ашьҭахь Моисеи иабхәа днаскьеигеит, егьигьы идгьыл ахь дхынҳәит.

19 Израильаа Египет ианалҵ ашьҭахь ахԥатәи амзазы* синаитәи ацәҳәырахь инеит. 2 Дара Рефиди́м аҟынтә синаитәи ацәҳәырахь инеин, ашьха азааигәара рлагер дыргылеит.

3 Моисеи Анцәа ду ишьхахь дхалеит. Уа Иегова Моисеи абас иеиҳәеит: «Иаков ихылҵыз израильаа абас сызраҳә: 4 „Шәара шәхаҭақәа ижәбеит египтаа ирзызуз, ауарбажә амҵәыжәҩақәа рыла шәышьҭыхны сара сахь шәшаазгаз. 5 Сҳәатәы шәахымԥалар, сеиқәшаҳаҭрагьы нашәыгӡалар, ажәларқәа зегь рыбжьара сара истәу, иҷыдоу* мазараны шәҟалоит, избанзар адгьыл зегь зтәу сара соуп. 6 Шәара сара сзы иԥшьоу жәларны, ԥшьаҩцәас амаҵ зуа аҳцәаны* шәҟалоит“. Абарҭ ажәақәа израильаа исызраҳә».

7 Моисеи дхынҳәын, ажәлар реиҳабацәа еизиган, Иегова иеиҳәаз зегь рзеиҭеиҳәеит. 8 Убасҟан ажәлар зегь еицҿакны абас рҳәеит: «Ҳара Иегова ииҳәаз зегь ҟаҳҵоит». Моисеи иаразнак урҭ ажәақәа Иегова иеиҳәеит. 9 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Сара аԥҭа еиқәаҵәала уара уахь снеиуеит, сануацәажәало ажәлар ираҳаларц, насгьы еснагь угәра ргаларц азы». Моисеи ажәлар ражәақәа Иегова иҟынӡа инеигеит.

10 Анаҩс Иегова Моисеи иеиҳәеит: «Ажәлар рахь уца, иахьагьы уаҵәгьы иԥшьа, ауаа рымаҭәақәа рыӡәӡәааит. 11 Дара ахԥатәи амш анааиуа ихиазароуп, избанзар ахԥатәи амш аҽны урҭ ишырбо Иегова Синаи ашьхахь дылбаауеит. 12 Ауаа рзы ашьха иаакәыршаны аҳәаақәа арба, абасгьы раҳәа: „Шәгәышәҽаныз, ашьха шәхамлан, ааигәарагьы шәымнеин. Ашьха зшьапы ықәзыргылаз дышьтәуп. 13 Уи ахаҳә дарганы, ма ахҿала* дыршьыроуп, аха аӡәгьы напыла дикьымсроуп. Ашьха зшьапы ықәзыргылаз — аԥстәы акәзааит, ауаҩы иакәзааит — рыԥсы ҭаны иаанхом“. Аҭыӷь атәыҩа иалху абыкь абжьы ангалак ауп ауаа ашьха ааигәара анеира анрылшо».

14 Моисеи ашьха дылбаан, ажәлар иԥшьеит, ауаагьы рымаҭәақәа рыӡәӡәеит. 15 Иара ус иҳәеит: «Хымш шәҽазыҟашәҵала. Шәыҳәса шәрыцышьҭамлан».

16 Ахԥатәи амш аҽны ашьыжь адыд абжьы геит, амацәысрагьы иалагеит, ашьхаҿы аԥҭа хьанҭа цәырҵит, абыкь абжьгьы ӷәӷәаны игеит. Алагер аҿы ауаа зегьы рцәа иааҭаӡыӡеит. 17 Моисеи урҭ алагер аҟынтә иманы дааит, Анцәа ду иԥыларц азы, даргьы неин ашьха ашьапаҿы игылеит. 18 Ашьха Синаи зегь алҩа ахылббы ицон, избанзар Иегова уи ашьхахь мцала дылбааит. Ашьхаҟынтә аԥечка* аҟынтә еиԥш алҩа ҩеиуан, ӷәӷәалагьы ихыџхыџуан. 19 Абыкь абжьы еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон, Моисеи дцәажәон, Анцәа ду уи аҭак ииҭон.

20 Иегова ашьха Синаи ақәцәахь дылбааит. Анаҩс Иегова Моисеи ашьха ақәцәахь диԥхьеит, Моисеигьы уахь дхалеит. 21 Уа Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Улбааны ауаа ргәырҽанҵа, Иегова ҳихәаԥшуеит ҳәа арахь иааскьарц иаламгааит, акәымзар иԥсуа рацәаҩхоит. 22 Иегова изааигәахо аԥшьаҩцәа ракәзар, рҽырыԥшьааит, Иегова иҭеимырхарц азы». 23 Моисеи Иегова ус иеиҳәеит: «Ажәлар ашьха Синаи ахь ихалаӡом, избанзар уара ҳгәыҳҽануҵахьеит, абасгьы соуҳәахьеит: „Ашьха иаакәыршаны аҳәаақәа арба, ишыԥшьоугьы рылаҳәа“». 24 Аха Иегова иҳәеит: «Улбааны Ааро́н думаны ухал. Аԥшьаҩцәеи ажәлари ракәзар, Иегова иахь ихаларц иаламгааит, иҭеимырхарц азы». 25 Моисеи ажәлар рахь дылбаан, зегь реиҳәеит.

20 Анаҩс Анцәа абас иҳәеит:

2 «Сара маҵуҩыс уахьыҟаз Египет уалызгаз Унцәа Иегова соуп. 3 Уара сара сыда уаҳа Нцәа думамзароуп.

4 Иҟаумҵан аидолқәа — хыхь ажәҩан аҿы иҟоу, ҵаҟа адгьыл аҿы иҟоу, ма адгьыл аҿы аӡқәа ирҭоу акы асахьа. 5 Урҭ урмеихырхәалан, рымаҵгьы умулан, избанзар сара, Унцәа Иегова, — сара заҵәык исымҵахырхәаларц зҭаху Анцәа соуп. Сызцәымӷу абацәа рыгәнаҳазы рԥацәа ахԥатәии аԥшьбатәии абиԥаранӡа иахьсырхәуеит, 6 аха бзиа сызбо, сыԥҟарақәагьы назыгӡо ирхылҵуа азықьтәи абиԥараҿгьы гәыбылрала иҭәу бзиабарала бзиа избалоит.

7 Унцәа Иегова ихьӡ ҳаҭыр ақәымҵаӡакәа иумҳәалан, избанзар Иегова ихьӡ ҳаҭыр ақәымҵакәа изҳәо дахьмырхәӡакәа даанижьӡом.

8 Иухоумыршҭын асабшатәи амш шыԥшьоу. 9 Фымш аус ула, уусқәа зегь ҟаҵала, 10 абыжьбатәи амш — Унцәа Иегова изку сабшоуп. Уи амш аҽны уаргьы аус умуроуп, уҷкәынгьы, уԥҳагьы, умаҵуҩгьы, умаҵуҩԥҳәысгьы, урахәгьы, уқалақь аҿы инхо атәымтәылауаҩгьы аус рымуроуп, 11 избанзар фымш рыла Иегова ишеит ажәҩани, адгьыли, амшыни, иара убас урҭ злаҭәу зегьы, абыжьбатәи амш азы иԥсы ашьара далагеит. Убри аҟынтә Иегова асабшамш дақәныҳәеит, насгьы иԥшьоу мшны иҟаиҵеит.

12 Уани уаби ҳаҭыр рықәҵала, Унцәа Иегова иуиҭо адгьыл аҿы акыраамҭа унхаларц азы.

13 Ауаҩы думшьын.

14 Ухатә ҩыза думԥсахын.

15 Умӷьычын.

16 Иузааигәоу изы мцла шаҳаҭра умун.

17 Уамеилаҳан иузааигәоу иҩны. Улмеилаҳан иузааигәоу иԥҳәыс, урмеилаҳан имаҵуҩы, имаҵуҩԥҳәыс, ицә, иҽада — иузааигәоу иитәу изакәызаалак акгьы уамеилаҳан».

18 Ажәлар зегьы адыд бжьи абыкь бжьи раҳауан, амацәыси алҩа зхылҵуаз ашьхеи рбон. Ажәлар ари зегь анырба ишәаӡыӡан, ихараны инагылеит. 19 Дара Моисеи ус иарҳәеит: «Уара уҳацәажәала, ҳара ҳӡырҩлоит. Анцәа даҳмацәажәалааит, ҳҭамхарц азы». 20 Моисеи ажәлар ус реиҳәеит: «Шәымшәан, избанзар Анцәа ду шәԥишәарц дааит, еснагь шәицәшәаларц, агәнаҳагьы ҟашәымҵаларц азы». 21 Ажәлар инахараны ишгылац игылан, Моисеи иакәзар, Анцәа ду дахьыҟаз аԥҭа еиқәаҵәа ааигәара днеит.

22 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Израильаа абас сызраҳә: „Шәара шәхаҭа ижәбон ажәҩан аҟынтә сышшәацәажәоз. 23 Ахьи араӡни ирылхны анцәақәа ҟашәымҵан, сара сыда даҽа нцәак дшәымамзароуп. 24 Анышә иалхны акәырбаннагарҭа сзыҟашәҵа. Убра исызнажәгала ирбылуа акәырбанқәеи аҭынчратә кәырбанқәеи, шәыԥсасагьы шәшьамаҟагьы убра исызнажәгала. Сыхьӡ шәгәалашәаларц азы иалсхуа аҭыԥ аҿы шәара шәахь снеиуеит, сагьшәықәныҳәоит. 25 Ахаҳә иалхны акәырбаннагарҭа сзыҟашәҵозар, ицәны иҟоу ахаҳәқәа рыла ишәмыргылан. Ахаҳәқәа шәцәыр, сара сзы уи акәырбаннагарҭа цқьахаӡом. 26 Скәырбаннагарҭа амардуан ашәымҭан, шәанхало шәыхтны аӡәгьы шәимбарц азы“.

21 Абар уара урҭ ирылоуҳәар ухәҭоу азакәанқәа:

2 Аӡәы иауриоу маҵуҩык дааихәар, уи амаҵуҩы фышықәса иԥшәма имаҵ иулоит, абыжьбатәи ашықәс азы ихы дақәиҭхоит, аха ахақәиҭра ахьиоуа ахә ахишәаар акәӡам. 3 Данаауаз ихала даазар, данцогьы ихала дцоит. Аԥҳәыс димазар, данцо иԥҳәысгьы диццоит. 4 Аԥҳәыс дизҭаз иԥшәма иакәзар, насгьы лара аԥацәа ма аԥҳацәа лхылҵзар, иԥҳәысгьы ихәыҷқәагьы иԥшәма итәызаауеит, иара ихала дцоит. 5 Аха амаҵуҩы „сара сыԥшәмеи, сыԥҳәыси, сыҷкәынцәеи бзиа избоит, ахақәиҭра соургьы сҭахӡам“ ҳәа иҳәар, 6 иԥшәма уи Анцәа ду иҿаԥхьа диргылароуп, анаҩс ашә ма ашәваз ахь днаганы, илымҳа аӡаӡ ала икылиҵәароуп. Усҟан иара иԥсы ахьынӡаҭоу иԥшәма маҵуҩыс димазаауеит.

7 Аӡәы иԥҳа маҵуҩыс диҭиир, лара ахацәа-амаҵуҩцәа ахақәиҭра шроуа еиԥш ахақәиҭра лоуӡом. 8 Аха даазхәаз аԥшәма дигәамԥхар, насгьы ԥҳәысс дахьигаз дахьхәны, диҭиирц иӡбар, даҽа милаҭк иатәу ауаҩы дизиҭиир ҟалаӡом, избанзар ииашаӡамкәа длызныҟәеит. 9 Иҷкәын дииҭарц иҭаххар, аԥҳа илымоу азинқәа лиҭароуп. 10 Даҽа ԥҳәыск дигар, раԥхьатәи иԥҳәыс фатәыдеи, маҭәадеи, хаҵеи-ԥҳәыси ирыбжьоу аизыҟазаашьақәеи рыда даанижьыр ҟалаӡом. 11 Абарҭ зегь лимҭар, лара лхы дақәиҭуп, акгьы мшәаӡакәа дцар лылшоит.

12 Аӡәы даҽаӡәы дисны дишьыр, ашьра ҟазҵаз дышьтәуп. 13 Аха уи машәырла ихьзар, насгьы Анцәа ду ус ҟалартә алиршазар, сара уи иҽахьиҵәахша исырбоит. 14 Аӡәы изааигәоу ӷәӷәала дахьизгәааз азы игәы иҭакны дишьыр, уара уи душьыроуп, схы сыхьчоит ҳәа скәырбаннагарҭахь днеиргьы. 15 Зан лахь ма заб иахь знапы шьҭызхыз дышьтәуп.

16 Аӡәы ауаҩы дӷьычны диҭиир, ма дӷьычны диҵәахыр, дышьтәуп.

17 Зан ма заб дызшәиуа дышьтәуп.

18 Ҩыџьа ажәа анеимаркуа аӡәы хаҳәла ма ҭаҷкәымла* даҽаӡәы дисыр, аха уи дымԥсӡакәа аиарҭа дылахар, 19 насгьы дгыланы алаба ааиҵшьуа, аҩны дыздәылҵуа дҟалар, исыз ахара идлаӡом. Аха иара дзысыз дыбзиахаанӡа, аусура далагаанӡа, дныҟәигалароуп.

20 Ауаҩы лабала имаҵуҩы дисны, ма имаҵуҩԥҳәыс длысны дишьыр, усҟан урҭ ршьа утәуп. 21 Аха амаҵуҩы ма амаҵуҩԥҳәыс данырыпҟа ашьҭахь мышкы ма ҩымш днеир, ршьа аура аҭахӡам, избанзар дара иара итәуп.

22 Ахацәа анеисуа зцәазтәымкәа иҟоу аԥҳәыс илысыр, ларгьы лаамҭа ааиаанӡа ахшара длоур, аха аӡәгьы дымԥсыр*, ахара зду ауаҩы уи аԥҳәыс лхаҵа иқәиҵо аӡбаҩцәа рыла ишәароуп. 23 Аха руаӡәк дыԥсыр, аԥсҭазаара иахшәаатәуп аԥсҭазаара*. 24 Абла иахшәаатәуп абла, ахаԥыц — ахаԥыц, анапы — анапы, ашьапы — ашьапы, 25 аблыра — аблыра, ахәра — ахәра, ашәыта — ашәыта.

26 Ауаҩы имаҵуҩы ила дҭасны, ма имаҵуҩԥҳәыс лыла дҭасны иҭихыр, рыла ахьҭихыз азы рхы иақәиҭитәыр ауп. 27 Имаҵуҩы дисны, ма имаҵуҩԥҳәыс длысны, рхаԥыц ыҵижәар, рхаԥыц ахьыҵижәаз азы рхы иақәиҭитәроуп.

28 Ацә ахаҵа ма аԥҳәыс дашьыр, уи ахаҳә иарганы ишьтәуп, акәацгьы уфар ҟалаӡом. Ацә зтәу дахьырхәтәӡам. 29 Аха ацә кшозҭгьы, уи зтәу игәиҽанырҵахьазҭгьы, аха иара дахьахыламԥшуаз азы хаҵак ма ԥҳәыск дашьызар, ацә ахаҳә иарганы ишьтәуп, аԥшәмагьы дышьтәуп. 30 Аха ахә ахшәаара иқәдыршәар, усҟан иԥсҭазаара ҿихырц азы ирҳәаз ахә ахишәаароуп. 31 Ацә иашьыз аҷкәын иакәзаргьы, аӡӷаб лакәзаргьы, ацә зтәу ари азакәан инақәыршәаны изныҟәатәуп. 32 Ацә аӡәы имаҵуҩы ма имаҵуҩԥҳәыс дашьыр, ацә зтәу 30 ше́кель* араӡны урҭ амаҵуцәа рыԥшәма изишәароуп. Ацә акәзар, ахаҳә иарганы ишьтәуп.

33 Ауаҩы ажра аартны иаанижьыр, мамзаргьы ажра жны ихымҩаӡакәа дцар, насгьы уахь ацә ма аҽада ҭаҳар, 34 ажра зтәу иақәнагоу ахә ишәароуп. Иара аԥстәы зтәу уи ахә ииҭароуп, иԥсыз аԥстәы иара изынхоит. 35 Аӡәы ицә даҽаӡәы ицә ашьыр, урҭ ацәқәа зтәу зыԥсы ҭоу ацә ҭины, иаҭнырхыз аԥара еиҩыршароуп, иԥсыз ацәгьы еиҩыршароуп. 36 Ацә шыкшоз зегьы ирдыруазҭгьы, аха ацә зтәыз уи дахыламԥшуазҭгьы, иара ацә азы ацә иҭаны, иақәнагоу ахә ишәароуп, иԥсыз ацә иара изынхоит.

22 Ауаҩы ацә ма ауаса ӷьычны ишьыр ма иҭиир, цәык азы ацә зтәу хә-цәык ииҭароуп, уасак азы ԥшь-уасак ииҭароуп.

2 (Аӷьыч уахынла аҩны дыҩналарц дшаҿыз дақәыркыр, насгьы исны дыршьыр, усҟан дызшьыз ашьа ахькеиҭәаз азы ахара идлаӡом. 3 Аха уи амра ангыла ашьҭахь иҟалазар, аӷьыч дызшьыз ашьа ахькеиҭәаз азы ахара идлоит.)

Аӷьыч ииӷьычыз ахә ишәароуп. Акгьы имамзар, ииӷьычыз ахә ишәарц азы иара дырҭиааит. 4 Ииӷьычыз аԥстәы — ацә, аҽада ма ауаса — аԥсы ҭаны иара иҿы ирыԥшаазар, ҩынтә еиҳаны ирхынҳәыроуп.

5 Аӡәы ирахә ҳәларц азы амхахьы ма аӡахәаҭрахьы ишьҭыр, насгьы ирахә аӡәы имхы иҭаларц иур, иара имхы аҟынтә ма иӡахәаҭра аҟынтә иреиӷьу аҽаҩра ирахә зымхы иҭалаз ииҭароуп.

6 Аӡәы амца еиқәиҵар, уи амцагьы ачықьра илаланы, амхурсҭаҿы иҟоу аҿаҳәарақәеи ирхым ачарыци* аблыр, мамзаргьы амхурсҭа зегь ықәццышәаа иагар, амца азыркыз ауаҩы иҟаиҵаз аԥхасҭа ахә ахишәаароуп.

7 Аӡәы аԥара ма даҽа маҭәарк аҵәахразы даҽаӡәы ииҭар, аха изиҭаз иҩны аҟынтә уи рӷьычыр, аӷьыч дрыԥшаар, ииӷьычыз аасҭа ҩынтә еиҳаны ирхынҳәроуп. 8 Аӷьыч дырзымԥшаар, аҩны аԥшәма Анцәа ду иҿаԥхьа дыргылатәуп, иҩыза имазара згаз иара иакәу-иакәму аилкааразы. 9 Ацә, аҽада, ауаса, амаҭәа, мамзаргьы иӡны иҟаз даҽаказы аимак-аиҿак цәырҵыр, насгьы аимак зыбжьалаз руаӡәк: „Ари сара истәуп!“ — ҳәа иҳәар, рҩыџьагьы Анцәа ду иҿаԥхьа ашьақәырӷәӷәарақәа наргароуп. Анцәа ахара зду ҳәа ииԥхьаӡаз иҩыза имихырц ииҭахыз аасҭа ҩынтә еиҳаны изирхынҳәроуп.

10 Аӡәы даҽаӡәы ауаара ҳәа аҽада, ацә, ауаса ма даҽа ԥстәык ииҭар, аха уи ԥсыр, ма ак ахьыр, ма шьоукы ицәыргар, аха уи збаз ашаҳаҭцәа ҟамлар, 11 аԥстәы ауаара ҳәа изгаз Иегова иҿаԥхьа дықәны, иҩыза иитәыз иара ишимгаз иҳәароуп. Аԥстәы зтәу иҩыза дықәны ииҳәаз идикылароуп, аԥстәы згазгьы ацәыӡ ахә ахшәаара иқәшәаӡом. 12 Аха аԥстәы рӷьычзар, иара ацәыӡ ахә ахишәаароуп. 13 Аԥстәы агыгшәыг иафазар, уи шьақәирӷәӷәарц азы агыгшәыг иацәынхаз ааигароуп. Усҟан иара ацәыӡ ахә ахшәаара ихәҭаӡам.

14 Аӡәы иҩыза ауаара ҳәа ԥстәык ииҭарц диҳәар, аха аԥшәма даныҟам уи аԥстәы ак ахьыр ма иԥсыр, аԥстәы згаз ацәыӡ ахә ахишәаароуп. 15 Аха уи аԥшәма ишибо иҟалазар, ацәыӡ ахә ахшәаара аҭахӡам. Аԥстәы қьырала игазар, ацәыӡ ахә уи ала ишәахоит.

16 Аӡәы ахаҵа дзымбац иҳәаны иҟам ҭыԥҳак дхихыр, насгьы длыцышьҭалар, ҭацак лаҳасабала лыхә шәаны дҿихроуп, убасҟан лара иԥҳәыс лакәхоит. 17 Лаб дииҭар иҭахымхар, уеизгьы аҭаца илхыршәаауа ахә лхишәаароуп.

18 Амагиа знапы алаку аԥҳәыс дышьтәуп.

19 Арахә ирызнеиуа ауаҩы дышьтәуп.

20 Иегова иакәымкәа, даҽа нцәак акәырбан изназго дышьтәуп.

21 Атәымтәылауаа иҽеимкәа шәырзымныҟәалан, иагьшәмыргәаҟлан, избанзар шәхаҭагьы Египет шәтәымтәылауааны шәыҟан.

22 Ргәы ншәмырхан аԥҳәысеибеи аиаҭыми. 23 Ргәы ншәырхар, урҭ ацхырааразы исыҳәоит, саргьы рыбжьы саҳауеит. 24 Усҟан сара сыԥсахы еибакуеит, аҳәалагьы шәысшьуеит, шәыҳәса ракәзар, еибахоит, шәхәыҷқәагьы еиҭымхоит.

25 Шәааигәара инхо сыжәлар иатәу иӷару аӡәы уалла аԥара ишәҭозар, ауаа аԥара процентла идзырԥсахуа реиԥш шәизымныҟәан. Апроцентқәа имшәымхлан.

26 Шәуал зқәу имаҭәа шасыс* ижәгар, амра ҭашәаанӡа изшәырхынҳә. 27 Иара иқәиршәуа ҳәа имоу уи амаҭәа заҵәык ауп. Ишәиҵои данышьҭало? Иара ацхырааразы дансыҳәалак, сара хымԥада исаҳауеит, избанзар сара арыцҳашьара злоу Анцәа соуп.

28 Дшәымшәилан* Анцәа, дшәымшәилан шәыжәлар реиҳабы*.

29 Иҭажәгало аҽаҩра беиа аҟынтә хәҭак сзаагара шәҽадшәмырхалалан. Ажь ахьышәхәо аҟынтәгьы, амаслина ахьышәхәо аҟынтәгьы меигӡарахда ишәоуа сзаагара шәҽадшәмырхалалан. Раԥхьа ииуа шәԥацәа сара исышәҭала. 30 Раԥхьа ииуа ацәқәеи ауасақәеи абас шәрызныҟәала: бжьымш ранацәа ирыцзааит, аабатәи амш азы урҭ сара исышәҭала.

31 Шәара иԥшьоу сыжәлар шәакәны шәыҟазароуп. Агыгшәыг иашьыз аԥстәы ажьы шәымфан. Алақәа ирышәҭала.

23 Ауаа уҳәан-сҳәан рылашәмырҵәалан, ахара зду шәицхраарц азы амц ҳәаны шаҳаҭра жәмулан. 2 Еиҳараҩык иҟарҵо ҟаҳҵоит ҳәа ацәгьара ҟашәымҵалан. Еиҳараҩык ргәы ҟашәҵарц азы амц ҳәаны шаҳаҭра жәмулан, аиашара еилажәымгалан. 3 Ауаҩ ӷар иус анеилшәырго, еилых ҟашәымҵалан.

4 Шәаӷа иитәу иҟьалаз ацә ма аҽада жәбар, иара иахь ижәга. 5 Шәызцәымӷу аӡәы иҽада аидара ишканажьыз жәбар, шәаҩсны шәымцан, иҽада аидара ақәхра шәицхраа.

6 Ауаҩ ӷар иус анеилшәырго, аиашара еилашәымгалан.

7 Имцу ажәа шәадымгылалан*, насгьы акгьы зхарам ауаҩ иаша дшәымшьын, избанзар сара ахара зду дуаҩ иашаны дсыԥхьаӡаӡом.

8 Аҵарҭыша шәымгалан, избанзар аҵарҭыша иҟәышу ауаа рыла хнаҩоит, ауаа иашақәагьы амц днарҳәоит.

9 Атәымтәылауаҩ дышәмыргәаҟлан. Шәара ижәдыруеит атәым тәылаҿы анхара закәу, избанзар шәхаҭагьы Египет шәтәымтәылауаан.

10 Фышықәса адгьыл шәықәаарыхла, аҽаҩрагьы ҭажәгалала, 11 абыжьбатәи ашықәс азы адгьыл аус аджәымулан, иагьышәымцәаӷәан. Уа еизҳаз шәыжәлар иатәу аӷарцәа ирфалааит, иаанхаз абнатә ԥстәқәа ирфалааит. Убасҵәҟьа рзыжәула шәӡахәаҭрақәеи шәмаслинаҭрақәеи.

12 Фымш аус жәула, абыжьбатәи амш аҽны аус шәымуроуп, шәыцәи шәҽадеи рыԥсы ршьарц азы, иара убас шәмаҵуҩԥҳәыс лыҷкәыни ишәыланхо атәымтәылауаҩи рымчқәа ҭарҵарц азы.

13 Исҳәаз зегь ак агмыжькәа инашәыгӡала, егьырҭ анцәахәқәа рыхьӡ шәымҳәалан, рыӡбахәгьы шәаламцәажәалан!

14 Шықәсык ахь хынтә сара исызку аныҳәақәа азгәашәҭала. 15 Арҵәыга злам ача аныҳәа азгәашәҭала. Ишшәасҳәаз еиԥш бжьымш арҵәыга злам ача шәфала. Иазалху аамҭазы ави́в* амзазы уи ҟашәҵала, избанзар убасҟан шәара Египет шәалҵит. Сара сахь аӡәгьы инапы ҭацәны дмааиааит. 16 Иара убас иазгәашәҭала Раԥхьатәи аҽаҩра аҭагалара аныҳәа, шәымхаҿы еизшәырҳаз раԥхьатәи аҽаҩра анҭажәгало. Иазгәашәҭала Ҽаҩраҭагалара аныҳәагьы, ашықәс анҵәамҭазы шәымхқәа рҿы иаашәрыхыз аҽаҩра зегь анҭажәгалалак. 17 Шықәсык ахь хынтә ахацәа зегьы Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова иахь инеилароуп.

18 Акәырбан ансызнажәго, ашьтәа ашьеи арҵәыга змоу ачеи еицнашәымган. Аныҳәақәа раан инажәго ашша шьыжьынӡа иаанымхароуп.

19 Адгьыл ишәнаҭо раԥхьатәи аҽаҩра аҟынтә зегь иреиӷьу Шәынцәа Иегова иҩнахьы инажәгала.

Аӡыс ан ахш аҿы ишәымжәлан.

20 Сара шәаԥхьа амаалықь дсышьҭуеит, шәызқәу амҩаҿы шәихьчаларц, насгьы ишәызсырхиаз аҭыԥ ахь шәнеигарц азы. 21 Шәизыӡырҩла уи, иҳәатәгьы хашәҵала. Шәиҿамгылан, шәиҿагылар, иара уи шәанаижьӡом, избанзар сыхьӡ ихуп. 22 Уи иҳәатәы шәахымԥалар, исҳәогьы ак агмыжькәа иҟашәҵалар, шәаӷацәа сраӷахоит, ишәабашьуагьы срабашьлоит. 23 Сымаалықь шәаԥхьа дгыланы дцоит, насгьы аморе́иааи, хе́ттааи, ферезе́иааи, ханаа́нааи, хиве́иааи, иеву́сааи рахь шәнеигоит, саргьы урҭ ықәысхуеит. 24 Урҭ рынцәақәа шәрымҵамхырхәалан, рымаҵгьы жәмулан, урҭ ажәларқәа рҵасқәа рҿышәымҵаан. Иқәыжәга ридолқәа, иԥшьоу рышьаҟақәагьы ԥыххааса иқәышәҵа. 25 Шәынцәа Иегова имаҵ жәула, усҟан иара шәчеи шәӡи дрықәныҳәоит. Сара ачымазарақәа шәырцәысыхьчоит. 26 Шәыдгьыл аҿы зцәазтәымкәа иҟоу аҳәса бгалаӡом, ахшара дызмоуа ҳәа ԥҳәыскгьы дҟалаӡом. Сара шәынҵыра иацысҵоит, акыраамҭа шәынхалартә иҟасҵоит.

27 Шәара шәнеиаанӡагьы шәаӷацәа сара сҿаԥхьа ашәара рызцәырызгоит, шәымҩаҿы ишәԥыло ажәларқәа зегьы иҟарҵо рзымдыруа иқәсырхоит, убасала шәаӷацәа наҟ иԥхашәҵоит. 28 Шәара шәнеиаанӡагьы урҭ ргәы каҳартә иҟасҵоит*, убасҟан хиве́иааи, ханаа́нааи, хе́ттааи ишәыцәшәаны ибналаны ицоит. 29 Сара урҭ иаразнак* иқәысцаӡом, адгьыл ҭацәны иаанымхарц, насгьы абнатә ԥстәқәа ҿианы, ԥырхага шәырымҭарц азы. 30 Сара урҭ хәыҷы-хәыҷла иқәысцалоит, шәхыԥхьаӡара рацәахаанӡа, ари адгьылгьы шәара ишәтәхаанӡа.

31 Сара Амшын ҟаԥшь инаркны филисти́маа рымшын аҟынӡеи, ацәҳәыра инаркны аӡиас ду* аҟынӡеи адгьыл шәысҭоит. Урҭ ажәларқәа шәыриааиртә иҟасҵоит, шәаргьы урҭ наҟ иқәышәцоит. 32 Дареи шәареи аиқәшаҳаҭра шәыбжьашәымҵан, рынцәақәеи шәареи шәыбжьарагьы ибжьашәымҵан. 33 Урҭ шәыдгьыл аҿы инымхалароуп, дара рымшала шәысҿагыланы агәнаҳа аҟаҵара шәаламгарц азы. Урҭ рынцәақәа рымаҵ аура шәалагар, уи шәара шәзы ашьацҳәа иаҩызахоит.

24 Анаҩс Анцәа Моисеи ус иеиҳәеит: «Ааро́ни, Нада́ви, Авиу́ди, 70-ҩык Израиль аиҳабацәеи уманы Иегова иахь шәхал, нас инахараны шәнагыланы шәиеихырхәа. 2 Моисеи Иегова иааигәара днеиааит, аха егьырҭ мнеиааит, ажәларгьы Моисеи ицны ихамлааит».

3 Моисеи даан, Иегова иажәақәеи изакәанқәеи зегь ажәлар ирзеиҭеиҳәеит, ажәларгьы еицҿакны абас рҳәеит: «Ҳара Иегова ииҳәаз зегь ҟаҳҵоит». 4 Моисеи Иегова иажәақәа зегь ашәҟәы ианиҵеит. Нас ашьыжь шаанӡа дҩагылан, ашьха ашьапаҿы акәырбаннагарҭа иргылеит, насгьы израильтәи ахылҵшьҭрақәа рхыԥхьаӡара инақәыршәаны 12 шьаҟа аирсит. 5 Уи ашьҭахь израильаа рҟынтә аҿар алихит, урҭ Иегова ирбылуа акәырбанқәа изнаргеит, аҭынчратә кәырбан аҳасабала ацәқәагьы изнаргеит. 6 Анаҩс Моисеи ашьтәақәа ршьа абжак агәыблаақәа ирниҭәалеит, иаанхаз ашьа акәырбаннагарҭа иақәирԥҟҟеит. 7 Уи ашьҭахь аиқәшаҳаҭра ашәҟәы аашьҭихын, ажәлар дырзаԥхьеит. Ажәлар ус рҳәеит: «Ҳара Иегова ииҳәаз зегь ҟаҳҵоит, ҳагьизыӡырҩлоит». 8 Усҟан Моисеи ашьа иган, ажәлар ирықәирԥҟҟеит, иагьиҳәеит: «Ари Иегова арҭ ажәақәа инарықәыршәаны иареи шәареи ишәыбжьеиҵаз аиқәшаҳаҭра ашьа ауп».

9 Моисеии, Ааро́ни, Нада́ви, Авиу́ди, 70-ҩык Израиль аиҳабацәеи ашьха ихалеит, 10 израильаа Рынцәагьы дырбеит. Ишьапқәа ахьықәгылаз ажәҩан еиԥш ицқьаӡа иҟоу асапфир иалху адашьма иеиԥшын. 11 Иара израильаа иатәыз урҭ ахацәа ԥырхага римҭаӡеит, дара аԥхыӡ аҿы еиԥш Анцәа ду дырбон, акрырфон, акрыржәуан.

12 Уи ашьҭахь Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Сара сахь ашьхахь ухал, ара уагьаангыл. Сара сзакәанқәеи сыԥҟарақәеи знысҵо ахаҳә ҟьаԥсқәа усҭоит, ажәлар рымҩақәҵаразы». 13 Моисеи имаҵуҩы Иисус Нави́ни иареи рҽааиқәдыршәан идәықәлеит, нас Моисеи Анцәа ду ишьхахь дхалеит. 14 Иара ажәлар реиҳабацәа ус реиҳәеит: «Ҳхынҳәаанӡа абра шәыԥшыз. Ааро́ни Ху́ри ара иаанхоит. Уск ӡбатәыс ишәоур, дара шәрыдҵаал». 15 Моисеи ԥҭала ихҩаз ашьхахь дхалеит.

16 Иегова ихьӡ-иԥша Синаи ашьхаҿы иҟан, фымш уи ашьха ԥҭала ихҩан. Абыжьбатәи амш азы Анцәа Моисеи аԥҭа аҟынтә диԥхьеит. 17 Израильаа рзы Иегова ихьӡ-иԥша ашьха ақәцә иацралаз амца ду иаҩызан. 18 Моисеи аԥҭа дагәылаланы ашьха дхалеит. Иара 40 мши 40 ҵхи уа дыҟан.

25 Иегова Моисеи иеиҳәеит: 2 «Израильаа аҳамҭақәа сзааргаларц раҳә. Гәыкала иаазгарц зҭаху зегьы рҟынтә ишәыдышәкылала. 3 Абар ишәыдышәкылалар шәыхәҭоу: ахьы, араӡны, абҩа, 4 ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәа, ақәны цқьа, аџьмахәы иалху аласа, 5 ҟаԥшьыла ишәу аҭыӷь ацәа, атиулень ацәа, ақәыцҵла* иалху амҿымаҭәахә, 6 ахәша алашарбагазы, абальзам* иԥшьоу ахәшазы, насгьы афимиам азы, 7 аоникси егьырҭ ахаҳәқәеи аефо́д* ази аџьыба* ази. 8 Исзыҟарҵааит аԥшьаҭыԥ, усҟан сара урҭ срыланхалоит. 9 Иԥшьоу ақьала, иара убас уи иатәу амаҭәарқәа зегьы ишусырбо еиԥш иҟашәҵа.

10 Ақәыцҵла иалхны аковчег* ҟарҵааит. Абар уи заҟаразар ахәҭоу: аура — ҩ-мышьхәылҵки бжаки, аҭбаара — мышьхәылҵки бжаки, аҳаракыра — мышьхәылҵки бжаки*. 11 Анаҩс уи аҩныҵҟалеи адәахьалеи хьы цқьала ихҟьа, нас хыхь иаакәыршаны аганқәа хьыла ирԥшӡа. 12 Ахьы иалхны ԥшь-мацәазк ҟаҵа, нас рыԥшь-шьапык рханы иаҭ: ганкахьала ҩ-мацәазк, егьи аганахь алагьы ҩ-мацәазк. 13 Анаҩс ақәыцҵла иалхны алабақәа ҟаҵаны, хьыла ихҟьа. 14 Урҭ алабақәа аковчег наҟ-ааҟ иамоу амацәазқәа ирыҵх, аковчег анага-аагаразы. 15 Алабақәа аковчег амацәазқәа ирҭугар ҟалаӡом, урҭ еснагь уа иҟазароуп. 16 Аԥҟарақәа зну иусҭо ахаҳә ҟьаԥсқәа* аковчег иҭаҵа.

17 Ахьы цқьа иалхны ахҩа ҟаҵа. Аура ҩ-мышьхәылҵки бжаки иҟазароуп, аҭбаара — мышьхәылҵки бжаки. 18 Ахҩа аҩҵкарк рҿы ахьы иалхны ҩ-херувимк ҟаҵа. Урҭ чаԥаны иҟаҵазароуп. 19 Ахерувимқәа ахҩа аҩҵкарк рҿы наҟ-ааҟ иқәыргыл, 20 рымҵәыжәҩақәа аковчег ахҩа хырҩо хыхь ирхазароуп, дара еиҿатәазароуп, рхы-рҿы ахҩахьы ирхазароуп. 21 Ахҩа аковчег иахаҵа. Сыԥҟарақәа зну иусҭо ахаҳә ҟьаԥсқәа аковчег иҭаҵа. 22 Сара убра сузцәырҵлоит, аиқәшаҳаҭра* аковчег иқәгылоу ахерувимқәа рыбжьара ахҩа аханы суацәажәалоит. Уантәи сара израильаа ироуҳәаша аԥҟарақәа усҭалоит.

23 Ақәыцҵла иалхны астол ҟаҵа, аура ҩ-мышьхәылҵк иаҟараны, аҭбаара — мышьхәылҵк, аҳаракыра — мышьхәылҵки бжаки*. 24 Уи хьы цқьала ихҟьа, иаакәыршангьы хьыла ирԥшӡа. 25 Астол напсыргәыҵак* иаҟараны акәырша аҭ, акәырша инаваршәны хьыла ирԥшӡа. 26 Астол азы ахьы иалхны ԥшь-мацәазк ҟаҵа, нас ашьапқәа ахьыҟоу ԥшь-кәакьк рҿы иаҭ. 27 Амацәазқәа акәырша ааигәара иамазароуп, астол анеиҭарго алабақәа аҵхны инарга-ааргаларц азы. 28 Ақәыцҵла иалхны алабақәа ҟаҵаны, хьыла ихҟьа. Урҭ рыла астол нарга-ааргалоит.

29 Иҟаҵа асаанқәеи аҵәцақәеи, иара убас кәырбанс инарго аҩы азы аԥҳалқәеи агәыблаақәеи. Урҭ зегьы ахьы цқьа иалхзароуп. 30 Еснагь астол иқәҵала сҿаԥхьа иқәзар ахәҭоу ача.

31 Ахьы цқьа иалхны, алашарбага чаԥаны иҟаҵа. Уи ашьаҭеи, агәыцәи, амахәқәеи, ашәҭыцқәа зку ашьаҭеи, ашәҭ апытҟәырқәеи, ашәҭқәеи акны ичаԥазароуп. 32 Алашарбага агәыцә аҟынтә ф-махәык цозароуп: х-махәык ганк ала, даҽа х-махәык егьи аган ала. 33 Алашарбага аҩганк рҟынтә ицо амахәқәа рҿы аминдаль ашәҭ иеиԥшу ашәҭыцқәа зку хԥа-хԥа шьаҭа ҟалоит. Уи иахагыланы ашәҭ апытҟәыр цоит, апытҟәыр иахагыланы ашәҭ цоит, убас еишьҭанеиуа ицоит. Убас иҟазароуп алашарбага агәыцә аҟынтә ицо амахәқәа рыфбагьы. 34 Алашарбага агәыцә аминдаль ашәҭ иеиԥшу ашәҭыцқәа зку ԥшь-шьаҭак амазаауеит. Уи ашьаҭа иахагыланы ашәҭ апытҟәыр цоит, апытҟәыр ашьҭахь ашәҭ цоит, убас еишьҭанеиуа ицоит. 35 Ашәҭ апытҟәырқәа актәи амахәқәа рыҵаҟа иҟалоит, аҩбатәи амахәқәа рыҵаҟа иҟалоит, ахԥатәи амахәқәа рыҵаҟагьы иҟалоит. Убас алашарбага агәыцә аҟынтә иҩеиуа амахәқәа рыфбагьы рыҵаҟа иҟалоит. 36 Ашәҭ апытҟәырқәа, амахәқәа — алашарбага зегь шынеибарку — акны ичаԥазароуп. 37 Иҟаҵа алашарбагазы быжь-кәаҷабк. Акәаҷабқәа анадырклак, алашарбага аԥхьа аҭыԥ дырлашалоит. 38 Ацыблыхақәа зламырхуа амашьақәеи афҭилқәа зҭарҵо амаҭәарқәеи ахьы цқьа иалхзароуп. 39 Алашарбага, иара убас уи иацу амаҭәахәқәа зегьы талантк* ахьы цқьа иалхзароуп. 40 Абарҭ зегьы ашьхаҿы ишусырбаз еиԥшҵәҟьа иҟаҵа.

26 Иԥшьоу ақьалазы 10 қәыршәк ҟаҵа. Урҭ ақәыршәқәа иршаны иҟоу ақәны рахәыци, ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи рыла исны иҟаҵатәуп. Ақәыршәқәа рҿы ахерувимцәа рсахьа қәҵаны ианҵатәуп. 2 Ақәыршә аура 28 мышьхәылҵ иҟазароуп, аҭбаара — 4 мышьхәылҵк*. Ақәыршәқәа зегьы еиҟаразароуп. 3 Хә-қәыршәк еиԥшьны қәыршәк ҟаҵа, даҽа хә-қәыршәк еиԥшьны даҽа қәыршәк ҟаҵа. 4 Аҩқәыршәк рыҵкарқәа рҿы арахәыц иаҵәа иалхны аиқәҳәаларҭақәа ҟаҵа, урҭ ақәыршәқәа реиԥшьразы. 5 Қәыршәк аҵкар аҿы 50 еиқәҳәаларҭа аҭ, егьи ақәыршә аҵкар аҿгьы 50 еиқәҳәаларҭа аҭ, урҭ ахьеиԥшьхо аҭыԥ аҿы аиқәҳәаларҭақәа еиҿаԥшуа иҟаларц азы. 6 Ахьы иалхны 50 еибаркыга ҟаҵаны ақәыршәқәа еиԥшьы, иԥшьоу ақьала акны иҟаларц азы.

7 Иԥшьоу ақьалазы еиҭа 11 қәыршә ҟаҵа. Урҭ аџьмахәы иалху аласа иалхзароуп. 8 Ақәыршә аура 30 мышьхәылҵ иҟазароуп, аҭбаара — 4 мышьхәылҵк*. Урҭ 11 қәыршә еиҟаразароуп. 9 5 қәыршәк еиԥшьны иҟаҵа, анаҩс 6 қәыршәк еиԥшьы, афбатәи ақәыршә ақьала аԥхьатәи аганаҿы ҩынтә ирҽны иҟаҵа. 10 Аиԥшьырҭаҿы, аҵыхәтәантәи ақәыршә аҵкар аҿы, 50 еиқәҳәаларҭа ҟаҵа, егьи ақәыршә аҵкар аҿгьы 50 еиқәҳәаларҭа ҟаҵа. 11 Абҩа иалхны 50 еибаркыга ҟаҵа, нас аиқәҳәаларҭақәа ирҭаршәны ақәыршәқәа еиԥшьы, урҭ акны иҟаларц азы. 12 Ақәыршә иаанхо ахәҭа ақьала ашьҭахьтәи аган аҿы ихыҳәҳәалааит. Иара урыла ақәны иалху ақәыршә аасҭа қәыршәбжак еиҳахоит. 13 Уи ақәыршә ақәны иалху ақәыршә аасҭа ганцыԥхьаӡа мышьхәылҵк* иҭбаазаауеит. Уи иԥшьоу ақьала аганқәа рҿы ихыҳәҳәалааит, ақьала хнаҩаларц азы.

14 Иара убас ҟаԥшьыла ишәу аҭыӷь ацәа иалхны ақәыршә ҟаҵа, нас атиулень ацәа иалхны даҽа қәыршәк ҟаҵаны, хыхь иақәыршә.

15 Иԥшьоу ақьала аганқәа рзы ақәыцҵла* иалхны арамақәа ҟаҵа, нас ршьапқәа ирықәыргыл. 16 Рамак аҳаракыра 10 мышьхәылҵк иҟазароуп, аҭбаара — мышьхәылҵки бжаки*. 17 Арамақәа зегьы еивагыланы ицо ҩба-ҩба ҵәы рылыҳәҳәозароуп. Иԥшьоу ақьала арамақәа зегьы убас иҟаҵа. 18 Иԥшьоу ақьала аладатәи аган азы 20 рама ҟаҵа.

19 Урҭ арамақәа рзы араӡны иалхны, акылҳарақәа аҭаны 40 шьаҭа ҟаҵа. Ҩ-ҵәык змоу арама ҩ-шьаҭак ирҭагылазаауеит, убасала арамақәа зегьы ҩба-ҩба шьаҭа рымазаауеит. 20 Иԥшьоу ақьала егьи аган азгьы — аҩадатәи аган азы — иҟаҵа 20 рамеи 21 араӡны иалху 40 шьаҭеи. Ҩ-шьаҭак рамак азы, убас рамацыԥхьаӡа ҩба-ҩба шьаҭа. 22 Иԥшьоу ақьала ашьҭахьтәи аган азы — мраҭашәаратәи аган азы — 6 рамак ҟаҵа. 23 Иԥшьоу ақьала ашьҭахьтәи аган аҿы акәакьқәа рзы ҵыргәас иҟало ҩ-рамак ҟаҵа. 24 Урҭ арамақәа хыхь актәи амацәаз аҿы еидыло ҩ-хәҭак рыла ишьақәгылазароуп. Аҩрамакгьы убас иҟазароуп. Урҭ арамақәа акәакьқәа рзы ҵыргәас иҟазаауеит. 25 Иааизакны 8 рамаки араӡны иалху 16 шьаҭеи ыҟазароуп. Ҩ-шьаҭак рамак азы, убас рамацыԥхьаӡа ҩба-ҩба шьаҭа.

26 Ақәыцҵла иалхны арамақәа рзы алабақәа ҟаҵа: иԥшьоу ақьала ганк азы 5 лабак, 27 егьи аган азы 5 лабак, ашьҭахьтәи аган азгьы —мраҭашәаратәи аган азы — 5 лабак. 28 Агәҭантәи алаба арамақәа рыгәҭа шыҟоу ицозар ауп, ахы инаркны аҵыхәанӡа.

29 Арамақәа хьыла ихҟьа, насгьы ахьтәы мацәазқәа рыдҟаҵал алабақәа рзы, алабақәагьы хьыла ихҟьа. 30 Иԥшьоу ақьала ашьхаҿы иусырбаз иеиԥшны иҟоуҵароуп.

31 Ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи иршаны иҟоу ақәны рахәыци ирылхны аиҩкаагатә ԥарда ҟаҵа. Аԥарда ахерувимцәа рсахьа қәҵаны ианҵатәуп. 32 Аԥарда ақәыцҵла иалху хьыла ихҟьоу ԥшь-шьаҟак рҿы икнаҳ. Урҭ рзы аҿарԥақәа ахьы иалхзароуп. Ашьаҟақәа араӡны иалху ԥшь-шьаҭак ирықәгылазароуп. 33 Аԥарда аибаркыгақәа рыҵаҟа икнаҳ, нас аиқәшаҳаҭра аковчег аԥарда ашьҭахь иргыл. Аԥарда Иԥшьоу аҭыԥи Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥи еиҩнакаалоит. 34 Аиқәшаҳаҭра аковчег ахҩа ахаҵаны, Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ аҿы иргыл.

35 Аԥарда аԥхьа* астол ргыл, астол аҿаԥхьа — иԥшьоу ақьала аладатәи аган аҿы — алашарбага ргыл. Астол аҩадатәи аган аҿы иргыл. 36 Ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи иршаны иҟоу ақәны рахәыци ирылхны даҽа ԥардак ҟаҵа, нас инаганы ақьала аҩналарҭаҿы икнаҳ. 37 Аԥардазы ақәыцҵла иалхны 5 шьаҟак ҟаҵаны, хьыла ихҟьа. Урҭ рзы аҿарԥақәа ахьы иалхзароуп. Ашьаҟақәа рзы абҩа иалхны 5 шьаҭак ҟаҵа.

27 Ақәыцҵла* иалхны акәырбаннагарҭа ҟаҵа. Уи ауреи аҭбаареи хәба-хәба мышьхәылҵ иҟазароуп. Акәырбаннагарҭа аганқәа зегьы еиҟаразароуп, аҳаракыра 3 мышьхәылҵк иҟазароуп*. 2 Акәакьқәа рыԥшьбагьы рҿы атәыҩақәа аҭ, урҭ акәырбаннагарҭа иахәҭакзароуп, анаҩс бҩала ихҟьа. 3 Акәырбаннагарҭа ахәа* аҭгаразы аведрақәа ҟаҵа. Иҟаҵа аҭәырӷәқәа*, алагьанқәа, авилкақәа, иара убас акәицқәа зҭарыԥсо. Акәырбаннагарҭа иатәу зегьы абҩа иалхны иҟаҵа. 4 Абҩа иалхны акәырбаннагарҭазы аихац ҟаҵа. Акәырбаннагарҭа акәакьқәа рыԥшьбагьы рҿы абҩа иалху ԥшь-мацәазк аҭ. 5 Абҩа иалху аихац акәырбаннагарҭа аҵкар аҵаҟа агәҭа иақәыршәаны иаҭ. 6 Ақәыцҵла иалхны акәырбаннагарҭазы алабақәа ҟаҵа, нас бҩала ихҟьа. 7 Акәырбаннагарҭа анеиҭарго алабақәа наҟ-ааҟ иҟалартә еиԥш амацәазқәа ирыҵх. 8 Акәырбаннагарҭа аиашьык иеиԥшны иҟаҵа. Уи ашьхаҿы ишусырбаз еиԥш, аӷәқәа ирылхны иҟаҵазароуп.

9 Иԥшьоу ақьала иаакәыршаны ашҭа ҟаҵа. Ашҭа аладатәи аган иршаны иҟоу ипоу ақәны рахәыц ала иҟаҵоу ақәыршә ала ихкаазароуп. Уи аган 100 мышьхәылҵк* иҟазароуп. 10 Аладатәи аган азы абҩа иалху 20 шьаҟеи, урҭ рзы акылҳара змоу абҩа иалху 20 шьаҭеи ҟаҵатәуп. Ашьаҟақәа рзы аҿарԥақәеи аиԥшьыгақәеи* араӡны иалхзароуп. 11 Аҩадатәи аган азгьы 100 мышьхәылҵк иҟоу ақәыршә ҟаҵатәуп, иара убас иҟаҵатәуп абҩа иалху 20 шьаҟеи, урҭ рзы абҩа иалху 20 шьаҭеи, ашьаҟақәа рзы араӡны иалху аҿарԥақәеи аиԥшьыгақәеи. 12 Мраҭашәаратәи аган аҿы, ашҭа аҭбаара инақәыршәаны, 50 мышьхәылҵ* иҟоу ақәыршә ҟаҵатәуп. Уи ақәыршә азы 10 шьаҟаки 10 шьаҭаки ҟаҵатәуп. 13 Мрагыларатәи аган ала, амра ахьгыло аган ала, ашҭа аҭбаара 50 мышьхәылҵ иҟазароуп. 14 Ашҭа аҭаларҭа азганк аҿы ақәыршә 15 мышьхәылҵ* иҟазароуп, уи 3 шьаҟаки 3 шьаҭаки ацзароуп. 15 Егьи агангьы убас иҟазароуп: ақәыршә 15 мышьхәылҵ иҟазароуп, 3 шьаҟаки 3 шьаҭаки ацзароуп.

16 Ашҭа аҭаларҭа 20 мышьхәылҵ* иҟоу аԥарда аҭ. Уи аԥарда ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи иршаны иҟоу ипоу ақәны рахәыци ирылхны иҟаҵа. Уи 4 шьаҟаки 4 шьаҭаки ацзароуп. 17 Ашҭа иаакәыршаны ицо ашьаҭақәа зегьы араӡны иалху аибаркыгақәеи аҿарԥақәеи рымазароуп. Рышьаҭақәа абҩа иалхзароуп. 18 Ашҭа аура 100 мышьхәылҵк иҟазароуп, аҭбаара 50 мышьхәылҵ. Иршаны иҟоу ипоу ақәны рахәыц иалху ақәыршә аҳаракыра 5 мышьхәылҵк* иҟазароуп. Ашьаҭақәа абҩа иалхзароуп. 19 Иԥшьоу ақьалаҿы амаҵ ауразы рхы иадырхәо зегьы, ақьалазы аҵәқәеи ашҭазы аҵәқәеи, абҩа иалхзароуп.

20 Израильаа ираҳә алашарбагазы зегь иреиӷьу амаслинахәша узнаргаларц, алашарбага еснагь иаркызарц азы. 21 Ааро́н иԥацәеи иареи аиқәшәара ақьалаҿы аиқәшаҳаҭра* аковчег ахьыҟоу икнаҳау аиҩкаагатә ԥарда аҿаԥхьа, Иегова иҿаԥхьа, ахәылбыҽха инаркны шьыжьынӡа алашарбага аркызарц иахылаԥшлоит. Ари израильаа рабиԥарақәа зегьы зықәныҟәалаша ԥсахра зқәым ԥҟароуп.

28 Израильаа рҟынтә иалх уашьа Ааро́ни иԥацәа Нада́ви, Авиу́ди, Елеаза́ри, Итама́ри, ԥшьаҩцәас сымаҵ руларц азы. 2 Уашьа Ааро́н дзырԥшӡо, дҳаразкуа иԥшьоу амаҭәа ԥшӡа изыҟаҵа. 3 Аҟәышра зысҭаз, зус бзианы издыруа анапҟазацәа урацәажәа. Дара Ааро́н дыԥшьаны дҟазҵо амаҭәа изыҟарҵоит, ԥшьаҩыс сымаҵ иуларц азы.

4 Абар иҟарҵар рыхәҭоу амаҭәа: аџьыба*, аефо́д, амаӷрақәа змам аҵкы, иауу ахарԥ*, атиурбан, амаҟа. Дара Ааро́н иԥацәеи иареи иԥшьоу амаҭәа рзыҟарҵароуп, ԥшьаҩцәас сымаҵ руларц азы. 5 Анапҟазацәа рхы иадырхәалароуп ахьы, ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәа, ақәны цқьа.

6 Дара аефо́д ахьи, ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи, иршаны иҟоу ипоу ақәны рахәыци ирылхны ирсуеит. 7 Аефо́д аԥхьатәии ашьҭахьтәии аганқәа амазароуп, насгьы ажәҩахырқәа рҿы еиԥшьызароуп. 8 Аефо́д иақәу амаҟагьы ахьи, ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи, иршаны иҟоу ипоу ақәны рахәыци ирылхзароуп.

9 Ига ҩ-хаҳәк, ҩ-оникск, уа Израиль иԥацәа рыхьӡқәа ҭаԥҟаны ианҵа, 10 аиҳабы инаиркны аиҵбы иҟынӡа: ф-хьӡык хаҳәк аҿы, даҽа ф-хьӡык егьи ахаҳә аҿы. 11 Израиль иԥацәа рыхьӡқәа ахаҳәқәа рҿы иҭаԥҟаны ианызҵо амҳәыр аҿы еиԥш иҭаԥиҟоит. Ианҭаԥиҟалак ашьҭахь урҭ ахьы иалху аркыгақәа ирҭаргыл. 12 Урҭ ахаҳәқәа рыҩбагьы аефо́д ажәҩахырқәа рҿы иаҭ, Анцәа Израиль иԥацәа игәаладыршәаларц азы*. Ааро́н урҭ рыхьӡқәа ижәҩахырқәа рҿы гәаларшәагаҵас Иегова иҿаԥхьа иныҟәигалоит. 13 Иҟаҵа ахьы иалхны аркыгақәеи 14 ашашәа еиԥш иршаны иҟаҵоу ахьы цқьа иалху ҩ-даҷки, нас урҭ аркыгақәа идыркы.

15 Иқәҵаны иӡахуа аӡбара аџьыба ҟаиҵааит. Уигьы аефо́д еиԥш, ахьи, ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи, иршаны иҟоу ипоу ақәны рахәыци ирылхзароуп. 16 Уи рҽны ианеиқәырҵалак, аганқәа зегьы еиҟарахоит, ауреи аҭбаареи ҽыҭк-ҽыҭк* иҟалоит. 17 Аџьыба ԥшь-радкны ахаҳәқәа ҭаргыланы иҟаҵа. Актәи арад аҿы иҭаргыл арубин, атопаз, аизумруд. 18 Аҩбатәи арад аҿы: абириуза, асапфир, аиашма. 19 Ахԥатәи арад аҿы: але́шем*, агат, аметист. 20 Аԥшьбатәи арад аҿы: ахризолит, аоникс, ажадеит. Ахаҳәқәа ахьтәы ркыгақәа ирҭаргылатәуп. 21 Иааизакны 12 хаҳә ыҟазароуп, Израиль иԥацәа рхыԥхьаӡара инақәыршәаны. Ахаҳәқәа зегь рҿы ахьыӡқәа амҳәыр аҿы еиԥш иҭаԥҟазароуп. Хаҳәк иану ахьӡ 12 биԥара руак аанарԥшлоит.

22 Аџьыба ашашәа еиԥш иршаны иҟаҵоу, ахьы цқьа иалху адаҷқәа аҭ. 23 Аџьыбазы ахьы иалхны ҩ-мацәазк ҟаҵаны, хыхьтәи ҩ-кәакьк рҿы иаркы. 24 Ахьы иалху ҩ-шашәак аџьыба акәакьқәа рҿы иамоу ҩ-мацәазк ирыҵх. 25 Ҩ-шашәак рҵыхәақәа аркыгақәа рыҩбагь иркылхны аефо́д аԥхьала ажәҩахырқәа идыркы. 26 Ахьы иалхны ҩ-мацәазк ҟаҵаны, аџьыба ҵаҟатәи аҩкәакьк рҿы иаҭ, аефо́д иаду аџьыба аҩныҵҟатәи аган ала. 27 Ахьы иалхны даҽа ҩ-мацәазк ҟаҵаны, аефо́д аԥхьатәи аган аҿы ажәҩахырқәа рыҵаҟа, аефо́д ахьеиԥшьу аҭыԥ азааигәара, исны иҟаҵоу амаҟа аханы иаҭ. 28 Аџьыба ииаҵәоу ашашәа иакызаауеит, уи амацәазқәа аефо́д амацәазқәа ирыдҿаҳәалазаауеит. Убасала уи амаҟа аханы иаркызаауеит.

29 Ааро́н Иԥшьоу аҭыԥ даныҩналало, Иегова иҿаԥхьа еснагь гәаларшәагаҵас иныҟәигалароуп игәаҿы икыду аӡбара аџьыбаҿы иамоу Израиль иԥацәа рыхьӡқәа. 30 Аӡбара аџьыба аури́ми атумми́ми* ҭаҵа. Ааро́н Иегова иахь даныҩналало, урҭ игәаҿы икыдзароуп. Иара урҭ есымша Иегова иҿаԥхьа игәаҿы иныҟәигалааит, израильаа русқәа иӡбаларц азы.

31 Аефо́д азы амаӷрақәа змам аҵкы ҟаҵа, уи ииаҵәоу арахәыц мацара иалхзароуп. 32 Ахәдаҿы исны иҟоу акәырша амазароуп. Уи акәырша аруаҩ имаҭәа еиԥш иӷәӷәазароуп, аҵкы ԥымжәарц азы. 33 Аҵкы акалҭ иаакәыршаны ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәа ирылхны амыҵмыџьқәа аҭ, урҭ рыбжьара ахьы иалху аҵәҵәақәа аҭ. 34 Ахьы иалху аҵәҵәеи амыҵмыџьи рҽеиҭныԥсахло, аҵкы акалҭ иакәшаны ицалоит. 35 Ааро́н имаҵзура анынаигӡало уи ишәиҵалароуп. Иегова иахь днеирц аԥшьаҭыԥ даныҩналало, насгьы даныҩныҵло, аҵәҵәақәа рыбжьы галароуп, дымԥсырц азы.

36 Ахьы цқьа иалхны ицырцыруа аҵәаҟьа* ҟаҵа, нас амҳәыр аҿы еиԥш иҭаԥҟаны абарҭ ажәақәа анҵа: «Иегова дыԥшьоуп». 37 Уи арахәыц иаҵәа ала атиурбан иаркы. Аҵәаҟьа атиурбан аԥхьа иамазароуп. 38 Уи Ааро́н илахь иамазаауеит. Иара иԥшьоу аҳамҭақәа — израильаа иԥшьоу аҳамҭақәа раҳасабала инарго аҳамҭақәа — рҿаԥхьа иҟарҵо агәнаҳақәа рзы аҭак ҟаиҵалоит. Аҵәаҟьа еснагь Ааро́н илахь иамазароуп, Иегова израильаа дырзыразызарц азы.

39 Ақәны цқьа иалхны иауу ахарԥ* ҟаҵа, иҟаҵа ақәны цқьа иалху атиурбан, иара убас исны иҟоу амаҟа.

40 Ааро́н иԥацәагьы зырԥшӡо, иҳаразкуа амаҭәақәа рзыҟаҵа. Ирзыҟаҵа иауу ахарԥқәа, амаҟақәа, ахҭырԥа ԥшӡақәа. 41 Абарҭ амаҭәақәа зегьы уашьа Ааро́н иԥацәеи иареи ирышәҵа, ахәша рықәырԥҟҟа, ԥшьаҩцәас исзалх, насгьы иԥшьа, усҟан дара ԥшьаҩцәас сымаҵ рулоит. 42 Иара убас ақәны иалхны ршьамхы аҟынӡа илеиуа аиқәақәа* ҟаҵа, рцәеижь хнаҩаларц азы. 43 Ааро́н иԥацәеи иареи урҭ рышьарҵалааит аиқәшәара ақьала ианыҩналало, мамзаргьы акәырбаннагарҭахь ианнеило, аԥшьаҭыԥ аҿы амаҵ аныруло, ахара рыдымларц, насгьы имԥсырц азы. Ари Ааро́н ихылҵуагьы иаргьы зықәныҟәалаша ԥсахра зқәым ԥҟароуп.

29 Абар урҭ ԥшьаҩцәас сымаҵ руларц азы ишуԥшьаша: уи азы иаҭахуп ацәҵыс, гра змам ҩ-ҭыӷьк, 2 арҵәыга злам ача, ахәша аҭаны иҟаҵоу арҵәыга злам ачарҳәқәа, ахәша зыхьшьу арҵәыга злам амгьал ҟьаԥсқәа. Уи зегьы игәӡаны илагоу ачашыла иалхны, 3 акаҵкәыр иҭаҵаны инаг, ацәгьы ҩ-ҭыӷькгьы наг.

4 Ааро́н иԥацәеи иареи аиқәшәара ақьала аҩналарҭахь инаг, рҽырӡәӡәарцгьы раҳәа. 5 Анаҩс Ааро́н ишәҵа иауу ахарԥ, аефо́д иаццо амаӷра змам аҵкы, аефо́д, аџьыба*. Аефо́д иацу исны иҟаҵоу амаҟагьы имӷаҵа. 6 Ихаҵа атиурбан, нас атиурбан иԥшьоу адырга* аркы. 7 Анаҩс иԥшьоу ахәша* ганы ихы иақәҭәа, ԥшьаҩыс дҟаларц азы.

8 Уи ашьҭахь иԥацәа ааганы, иауу ахарԥқәа рышәҵа. 9 Ааро́н иԥацәеи иареи амаҟақәа рымӷаҵа, ахҭырԥақәагьы рхаҵа. Урҭ ирхылҵуеи дареи ԥшьаҩцәас иҟазаауеит. Ари ԥсахра зқәым ԥҟароуп. Убасала Ааро́н иԥацәеи иареи ԥшьаҩцәас исызкы.

10 Аиқәшәара ақьалахь ацә наг, Ааро́н иԥацәеи иареи рнапқәа уи ахы иақәырҵааит. 11 Ацә Иегова иҿаԥхьа аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы ишьы. 12 Ацә ашьа аашьҭыхны нацәкьысла акәырбаннагарҭа атәыҩақәа ирыхьшьы, иаанхо акәырбаннагарҭа ашьапахьы икаҭәа. 13 Анаҩс аҩныҵҟатәи ахәҭақәа ирықәу ашша зегьы, агәаҵәа иақәу ашша, аҷаҷақәагьы, ирықәу ашшагьы наганы иблы, акәырбаннагарҭа аҟынтә алҩа ҩеиларц азы. 14 Ацә акәаци, ацәеи, ауаци алагер анҭыҵ иблы. Ари агәнаҳазы акәырбан ауп.

15 Нас аҭыӷьқәа руак га, Ааро́н иԥацәеи иареи уи ахы рнапқәа ақәырҵааит. 16 Аҭыӷь шьны, ашьа акәырбаннагарҭа аганқәа зегьы ирықәырԥҟҟа. 17 Аҭыӷь еиҿыхны, арҳәарахи ашьапқәеи ӡәӡәа, нас ахы шацу еиқәҵаны, инаганы акәырбаннагарҭа иқәҵа. 18 Аҭыӷь шеибгоу иблы, акәырбаннагарҭа аҟынтә алҩа ҩеиларц азы. Уи Иегова игәы иахәо* афҩы зхылҵуа ирбылуа кәырбануп. Ари амца иақәҵаны ирбылуа, Иегова изнарго кәырбануп.

19 Уи ашьҭахь егьи аҭыӷьгьы га, Ааро́н иԥацәеи иареи уи ахы рнапқәа ақәырҵааит. 20 Аҭыӷь шьны, ашьа аашьҭыхны, Ааро́н иԥацәеи иареи рарӷьа лымҳаҟатареи, рарӷьа нацәкьыс дуи, рарӷьа шьацәкьыс дуи ирыхьшьы, нас уи аҭыӷь ашьа акәырбаннагарҭа аганқәа зегьы ирықәырԥҟҟа. 21 Анаҩс акәырбаннагарҭа аҿы иҟоу ашьеи иԥшьоу ахәшеи аашьҭыхны, Ааро́н иԥацәеи иареи, иара убас урҭ рымаҭәақәеи ирықәырԥҟҟа, Ааро́н иԥацәеи иареи урҭ рымаҭәақәеи ԥшьахарц азы.

22 Ига аҭыӷь ашшеи, уи акьаԥеи, аҩныҵҟатәи ахәҭақәа ирықәу ашшеи, агәаҵәа иақәу ашшеи, аҷаҷақәеи, урҭ ирықәу ашшеи, арӷьа шьапи. Ари аҭыӷь аԥшьаҩцәа ралхразы инарго кәырбануп. 23 Иара убас арҵәыга злам ача зҭоу, Иегова иҿаԥхьа иҟоу акаҵкәыр аҟынтә ига игьежьу ачеи, ахәша злоу ачарҳәи, амгьал ҟьаԥси. 24 Нас уи зегь наганы, Ааро́н иԥацәеи иареи рнапы ианҵаны иҟьа. Уи Иегова иҿаԥхьа ирҟьо кәырбануп. 25 Нас уи зегь аарымхны, ирбылуа акәырбан иақәҵаны акәырбаннагарҭаҿы иблы. Уи Иегова игәы иахәо фҩуп. Ари амца иақәҵаны ирбылуа, Иегова изнарго кәырбануп.

26 Ааро́н ԥшьаҩыс дҟаларц азы инагаз аҭыӷь агәышԥы аашьҭыхны иҟьа. Уи Иегова иҿаԥхьа ирҟьо кәырбануп. Аҭыӷь агәышԥы уара иутәуп. 27 Иԥшьа Анцәа иҿаԥхьа ирҟьо акәырбан аҳасабала инарго аҭыӷь агәышԥы, иара убас иԥшьоу хәҭаны иԥхьаӡоу ашьапы — Ааро́н иԥацәеи иареи ԥшьаҩцәас иҟаларц азы кәырбанс инагаз аҭыӷь аҟынтә иргаз, насгьы ирҟьоз. 28 Уи Ааро́н иԥацәеи иареи иртәу иԥшьоу хәҭоуп. Ари израильаа инарыгӡалаша ԥсахра зқәым ԥҟароуп. Дара инарго аҭынчратә кәырбанқәа рҟынтә иԥшьоу ахәҭа Иегова ирҭалароуп.

29 Ааро́н иԥшьоу имаҭәа иара ишьҭахь ихылҵуа рахь ииасуеит. Урҭ ахәша рықәҭәаны ԥшьаҩцәас ианалырхло, уи амаҭәа ршәызаауеит. 30 Иара ишьҭахь ԥшьаҩыс иҟало ишьҭра иатәу аӡәы, аԥшьаҭыԥ аҿы амаҵ иуларц азы аиқәшәара ақьалахь иҩналало, уи амаҭәа бжьымш ишәызаауеит.

31 Аԥшьаҩцәа ралхразы инагаз аҭыӷь акәац иԥшьоу аҭыԥ аҿы ижәы. 32 Ааро́н иԥацәеи иареи уи аҭыӷь акәаци акаҵкәыр иҭоу ачеи аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы ирфааит. 33 Урҭ ԥшьаҩцәас ианыҟарҵоз, ианырыԥшьоз, рыгәнаҳақәа злархыхыз акәырбан акәац рфалааит. Даҽаӡәы* уи ифар ҟалаӡом, избанзар иԥшьоуп. 34 Кәырбанс инагаз аҭыӷь аҟынтә, насгьы ача аҟынтә шьыжьынӡа ак аанхар, иблы. Иаанхаз афара ҟалаӡом, избанзар уи ԥшьоуп.

35 Ааро́н иԥацәеи иареи рзы иуасҳәаз зегь ҟаҵа. Ԥшьаҩцәас рыҟаҵаразы бжьымш уҭаххоит. 36 Есыҽны цәык нагала, агәнаҳа ахыхразы. Иара убас акырбаннагарҭа агәнаҳа ахыхны ирыцқьа, нас ахәша ахьшьы иԥшьахарц азы. 37 Акәырбаннагарҭа агәнаҳа ахыхразы бжьымш уҭаххоит. Иԥшьа уи, даараӡа иԥшьоу ак акәны иҟаларц азы. Акәырбаннагарҭаҿы амаҵ зуа зегьы* ԥшьазароуп.

38 Акәырбаннагарҭаҿы есыҽны иааиԥмырҟьаӡакәа шықәсык зхыҵуа ҩ-ҭыӷьк нагала. 39 Ҭыӷьк ашьыжь, егьи — аилашәшәымҭаз*. 40 Актәи аҭыӷь аннаугало, гинк аԥшьбатәи ахәҭа* иреиӷьу амаслинахәша злаҭәоу игәӡаны илагоу ачашыла е́фак ажәабатәи ахәҭа* наугалоит. Иара убас кәырбанс инарго аҩы аҳасабала аги́н аԥшьбатәи ахәҭа аҩы ацнаугалоит. 41 Аҩбатәи аҭыӷь аилашәшәымҭаз инаугалоит, ашьыжь ишнаугаз еиԥш ачашылеи аҩи адкыланы. Ари амца иақәҵаны ирбылуа, Иегова игәы иахәо афҩы змоу кәырбануп. 42 Ари абиԥарақәа зегьы есыҽны Иегова иҿаԥхьа аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы ирбыллаша кәырбануп. Уа сара сшәызцәырҵлоит, суацәажәаларц азы.

43 Уа сара израильаа срызцәырҵлоит, уи аҭыԥгьы сыхьӡ-сыԥшала иԥшьазаауеит. 44 Сара аиқәшәара ақьалеи акәырбаннагарҭеи сыԥшьоит, иара убас исыԥшьоит Ааро́н иԥацәеи иареи, ԥшьаҩцәас сымаҵ руларц азы. 45 Сара израильаа срыланхалоит, Рынцәагьы сакәзаауеит. 46 Усҟан дара еилыркаауеит сара срыланхаларц азы Египет иалызгаз Рынцәа Иегова шсакәу. Сара Рынцәа Иегова соуп.

30 Ақәыцҵла* иалхны афимиам ахьырбылуа акәырбаннагарҭа ҟаҵа. 2 Уи аганқәа еиҟаразароуп: ауреи аҭбаареи мышьхәылҵк-мышьхәылҵк иҟазароуп, аҳаракыра — ҩ-мышьхәылҵк*. Уи атәыҩақәеи иареи амҿы иалхны акны иҟаҵазароуп. 3 Акәырбаннагарҭа ахи, аганқәеи, атәыҩақәеи хьы цқьала ихҟьа, нас хыхь иаакәыршаны хьыла ирԥшӡа. 4 Акәырша аҵаҟа, акәырбаннагарҭа наҟ-ааҟ, ахьы иалхны ҩба-ҩба мацәаз аҭ, алабақәа рыҵхны инарга-ааргаларц азы. 5 Ақәыцҵла иалхны алабақәа ҟаҵаны, хьыла ихҟьа. 6 Акәырбаннагарҭа аиҩкаагатә ԥарда аԥхьа иргыл, аԥарда ашьҭахь аиқәшаҳаҭра аковчег гылазаауеит. Убасала акәырбаннагарҭа гылазаауеит сахьузцәырҵло аковчеги уи ахҩеи рҿаԥхьа.

7 Ааро́н есышьыжь алашарбага акәаҷабқәа анеиқәиршәало, акәырбаннагарҭаҿы афимиам ибыллааит. 8 Аилашәшәымҭазгьы*, Ааро́н алашарбага анаиркло, афимиам ибыллааит. Абиԥарақәа зегьы Иегова иҿаԥхьа есыҽны афимиам рбыллароуп. 9 Инашәымгалан уи акәырбаннагарҭаҿы даҽа фимиамк, ирбылуа акәырбан ма кәырбанс инарго ача, кәырбанс инарго аҩгьы ақәшәымҭәалан. 10 Шықәсык ахь знык Ааро́н акәырбаннагарҭа агәнаҳа ахихларц азы атәыҩақәа ашьа рхьишьлааит. Шықәсык ахь знык иара акәырбаннагарҭа агәнаҳа ахихлоит, агәнаҳазы инарго акәырбан ашьала. Уи биԥарацыԥхьаӡа иҟаҵалатәуп. Акәырбаннагарҭа Иегова изы даараӡа иԥшьоуп».

11 Иегова Моисеи иеиҳәеит: 12 «Израильтәи ахацәа ашәҟәы ианануҵало, дасу Иегова иҿаԥхьа иԥсы ҿихааит, ашәҟәы ианануҵало, арыцҳара иақәымшәарц азы. 13 Ашәҟәы зҽанызҵо зегьы иԥшьоу ше́кельла* ше́кельбжак* ршәалароуп. (Ше́кельк 20 гер* иҟоуп). Ше́кельбжак Иегова ирҭалар рыхәҭоуп. 14 Ашәҟәы зҽанызҵо 20 шықәса иреиҵам дарбанзаалак иԥсы ҿихырц азы Иегова ииҭалар ихәҭоу ииҭалароуп. 15 Ибеиоу ауаҩы иԥсы аҿыхразы Иегова ше́кельбжак еиҳаны изнеимгароуп, иӷару — ше́кельбжак еиҵаны изнеимгароуп. 16 Израильаа рыԥсы злаҿырхуа араӡны рымхла, уи аиқәшәара ақьалаҿы инарыгӡо амаҵзуразы ухы иархәала, Иегова израильаа игәалашәаларц азы. Уи шәыԥсы ҿызхуа ауп».

17 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 18 «Абҩа иалхны ачан ҟаҵа, уи зықәургылогьы ҟаҵа. Нас аиқәшәара ақьалеи акәырбаннагарҭеи рыбжьара иргыланы, аӡы ҭаҭәа. 19 Ачан иҭоу аӡы ала Ааро́н иԥацәеи иареи рнапқәеи ршьапқәеи рыӡәӡәалоит. 20 Дара аиқәшәара ақьала ианыҩналало, ма Иегова имаҵ рурц, насгьы акәырбан рблырц азы акәырбаннагарҭахь ианнеило, рҽырыӡәӡәалароуп, имԥсырц азы. 21 Рнапқәеи ршьапқәеи рыӡәӡәалааит, имԥсырц азы. Ари Ааро́ни ихылҵуа абиԥарақәа зегьи рзы ԥсахра зқәым ԥҟароуп».

22 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 23 «Ига иреиӷьӡоу зыфҩы хаау амарҭхәқәа: 500 ше́кель* ишәхьоу амирра, ҩынтә еиҵаны — 250 ше́кель* зыфҩы хаау акорица, 250 ше́кель зыфҩы хаау аир, 24 500 ше́кель ака́ссиа* (иԥшьоу ше́кельла), гинк* амаслинахәша. 25 Урҭ ирылхны иԥшьоу ахәша ҟаҵа. Зыфҩы хаау амарҭхәқәа зегь еилаҵаны, ибзианы ирхиатәуп. Уи иԥшьоу ахәша акәхоит.

26 Ирыхьшьы уи ахәша аиқәшәара ақьалеи, аиқәшаҳаҭра аковчеги, 27 астоли, уи иацу амаҭәарқәеи, алашарбагеи, уи иацу амаҭәарқәеи, афимиам ахьырбылуа акәырбаннагарҭеи, 28 акәырбанқәа ахьырбылуа акәырбаннагарҭеи, уи иацу амаҭәарқәеи, ачани, уи зықәдыргылои. 29 Иԥшьа урҭ, даараӡа иԥшьоу маҭәарқәаны иҟаларц азы. Урҭ ирылакьысуа дыԥшьазароуп. 30 Ааро́н иԥацәеи иареи ахәша рыхьшьны иԥшьа, ԥшьаҩцәас сымаҵ руларц азы.

31 Израильаа абас сызраҳә: „Ари еснагь абиԥарақәа зегьы рҿы иԥшьоу сыхәша акәзаауеит. 32 Ишәхьышәымшьлан уи, иеиԥшу ҳәагьы акгьы ҟашәымҵан. Уи иԥшьоу хәшоуп. Уи шәара шәзы еснагь иԥшьоу ак акәзаауеит. 33 Аӡәы уи аҩыза ахәша ҟаҵаны, ԥшьаҩыс иҟам* ихьишьыр, дышьтәуп“».

34 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Ига афҩы хаа змоу абарҭ амарҭхәқәа еиҟараны: аста́кти, ао́них, афҩы хаа змоу агалба́н, аладан цқьа. 35 Урҭ ирылхны афимиам ҟаҵа. Зыфҩы хаау амарҭхәқәа еилаҵаны, ибзианы иҟаҵатәуп. Афимиам ҵаазароуп, ицқьазароуп, иԥшьазароуп. 36 Афимиам ахәҭак игәӡаны ихны, сахьузцәырҵло аиқәшәара ақьалаҿы аиқәшаҳаҭра* аковчег аҿаԥхьа ишьҭаҵа. Уи шәара шәзы даараӡа иԥшьоу ак акәхоит. 37 Шәхазы уи аҩыза афимиам ҟашәымҵан. Шәара уи Иегова иитәу иԥшьоу ак еиԥш ишәыԥхьаӡалароуп. 38 Аӡәы уи аҩыза афимиам ихазы иҟаиҵар, дафыҩларц азы, дышьтәуп».

31 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Сара далсхит Иуда ишьҭра иатәу, Хур иԥа У́ри иԥа Бецале́л. 3 Сара уи сдоуҳа исҭоит, усҟан иара аҟәыӷареи, аилкаареи, адырреи иоуеит, иарбан усзаалак дазҟазаны дҟалоит. 4 Иара иԥшӡоу амаҭәарқәа ҟаиҵалоит, ахьи, араӡни, абҩеи аус рыдиулалоит, 5 ахаҳәқәа ԥҟаны иҭаиргылалоит, амҿгьы аус адиулалоит. 6 Сара уи цхырааҩыс дисҭоит Дан ишьҭра иатәу Ахисама́х иԥа Аголиа́в. Сара зус бзианы издыруа анапҟазацәа аҟәыӷара рысҭоит, иуасҳәаз зегь ҟарҵарц азы: 7 аиқәшәара ақьалеи, аиқәшаҳаҭра аковчеги, уи ахҩеи, ақьала иацу амаҭәарқәеи, 8 астоли, астол иацу амаҭәарқәеи, ахьыцқьа иалху алашарбагеи, уи иацу амаҭәарқәеи, афимиам ахьырбылуа акәырбаннагарҭеи, 9 ирбылуа акәырбанқәа рзы акәырбаннагарҭеи, уи иацу амаҭәарқәеи, ачани, уи зықәдыргылои, 10 иԥшӡаны ису амаҭәеи, аԥшьаҩы Ааро́н изы иԥшьоу амаҭәеи, иԥацәа рзы амаҭәеи, ԥшьаҩцәас сымаҵ руларц азы, 11 иԥшьоу ахәшеи, аԥшьаҭыԥ азы афимиами. Дара иуасҳәаз зегь ҟарҵоит».

12 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 13 «Израильаа абас сызраҳә: „Шәара еснагь ссабшақәа азгәашәҭалароуп, избанзар уи шәареи сареи аиқәшаҳаҭра шҳабжьоу иадыргоуп. Абиԥарақәа зегь рҿы уи сара, Иегова, шәзыԥшьо шсакәу шәгәаланаршәалоит. 14 Иазгәашәҭала асабша, избанзар уи шәара шәзы иԥшьоуп. Асабша еилазго дышьтәуп. Уи аҽны аӡәы аусура далагар, дышьтәуп. 15 Фымш аус жәулар ҟалоит, абыжьбатәи амш — асабша, аԥсшьара иазку иҷыдоу мшуп. Уи Иегова изы иԥшьоу мшуп. Асабшазы аус зуло дышьтәуп. 16 Абиԥарацыԥхьаӡа израильаа асабша азгәарҭалароуп. Уи зҽызымԥсахуа еиқәшаҳаҭроуп. 17 Асабша израильтәи ажәлари сареи аиқәшаҳаҭра шҳабжьоу узырбо зҽызымԥсахуа дыргоуп, избанзар фымш рыла Иегова ажәҩани адгьыли ишеит, абыжьбатәи амш азы ашара далган, иԥсы ашьара далагеит“».

18 Анцәа ашьха Синаи аҿы Моисеи иацәажәара даналга, инапала* ианиҵаз аԥҟарақәа зныз ҩ-хаҳә ҟьаԥск* ииҭеит.

32 Убри аамҭазы ажәлар ирбеит Моисеи ашьхаҿы акраамҭа дшынхаз. Дара Ааро́н иҿы инеин, ус иарҳәеит: «Даҳзыҟаҵа ҳаԥхьа игыланы ицалаша анцәа, избанзар Египет ҳалызгаз ари ауаҩ, Моисеи, ихьыз ҳаздырӡом». 2 Ааро́н ус реиҳәеит: «Шәыҳәсеи, шәыҷкәынцәеи, шәыԥҳацәеи рлымҳа иамоу ахьтәы лымҳареиқәа сзаажәга». 3 Усҟан зегьы рлымҳа иамаз ахьтәы лымҳареиқәа амырхын, Ааро́н изааргеит. 4 Иара урҭ ахьы аарымихын, аҭаԥҟагала аҳәыс* ҭаԥҟаны иҟаиҵеит. Ауаа ус рҳәо иалагеит: «Израиль, абар Египет уалызгаз Унцәа».

5 Усҟан Ааро́н аҳәыс аҿаԥхьа акәырбаннагарҭа иргылан, ажәлар ус рылеиҳәеит: «Уаҵәы Иегова изку ныҳәоуп». 6 Адырҩаҽны ауаа шаанӡа игылан, ирбылуа акәырбанқәеи аҭынчратә кәырбанқәеи наргеит. Уи ашьҭахь акрыфара-акрыжәра ҳәа итәеит, нас игылан, ашәаҳәара-акәашара иалагеит.

7 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Ирласны ашьха улбаа, избанзар Египет иалугаз ажәлар ахәымгара ҟарҵеит. 8 Шаҟа ирласны иацәыхҟьазеи арҭ ауаа изқәысҵаз амҩа! Дара аҳәыс ҟарҵан, иеихырхәоит, акәырбанқәагьы азнаганы, ус рҳәоит: „Израиль, абар Египет уалызгаз Унцәа“». 9 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Сара избоит ари ажәлар иуҳәо змаҳауа жәларны* ишыҟалаз. 10 Убри аҟынтә саанумкылан, сгәыԥжәара аарԥшны урҭ нсырҵәоит, уара уакәзар, ажәлар ду ухылҵыртә еиԥш иҟасҵоит».

11 Моисеи дӷьаҵәыӷьаҵәуа Инцәа Иегова иҳәара далагеит: «Иегова, умч ду ала, напы ӷәӷәала Египет иалугаз ужәлар угәы зрызԥужәои? 12 Суҳәоит, египтаа абас рҳәартә еиԥш иҟаумҵан: „Иара урҭ ацәгьара игәы иҭакны Египет иалигеит, ашьхараҿы ишьырц, адгьыл иқәихырц ауп ииҭахыз“. Суҳәоит, угәыԥжәара аанкыл, иуӡбаз ҟаумҵан, иҭаумырхан ужәлар. 13 Иугәаларшәа умаҵзуҩцәа Авраами, Исааки, Израильи. Уара ухы уанықәны, урҭ ус роуҳәеит: „Сара ишәхылҵуа ажәҩан икыду аеҵәақәа реиԥш исыррацәоит, изықәсыргәыӷыз адгьыл зегь рысҭоит, наӡаӡа дара иртәхарц азы“».

14 Усҟан Иегова ииӡбаз ҟаимҵаӡеит, ижәларгьы нимырҵәаӡеит.

15 Моисеи ашьхантәи дылбааит. Иара аԥҟарақәа зныз ҩ-хаҳә ҟьаԥск икын. Ахаҳә ҟьаԥсқәа рыҩганкгьы ҩны иҟан. 16 Урҭ ахаҳә ҟьаԥсқәа Анцәа иҟаиҵеит, ианыз ажәақәагьы Анцәа ианиҵеит. 17 Иисус Нави́н ауаа рыбжьы цәгьа аниаҳа, Моисеи ус иеиҳәеит: «Алагер аҟынтә аибашьра бжьы ааҩуеит». 18 Моисеи ус иҳәеит:

«Ари аиааира згаз рашәа акәӡам,

Иаҵахазгьы рашәа акәӡам.

Сара даҽа шәак ауп исаҳауа».

19 Моисеи алагер даназааигәаха, аҳәыси икәашоз ауааи ибеит. Иара игәы ԥжәаны, ахаҳә ҟьаԥсқәа ыршәны, ашьха ашьапаҿы иԥиҽит. 20 Нас иҟарҵаз аҳәыс аашьҭихын, амца аркны иблит. Анаҩс ацыблыха хәашхәаша иган, аӡы иалаԥсаны израильаа идиржәит. 21 Анаҩс Моисеи Ааро́н ус иеиҳәеит: «Иузыруи арҭ ауаа, абри аҩыза агәнаҳа иаҵоуҵартә еиԥш?» 22 Ааро́н ус иҳәеит: «Усзымгәаан, ухаҵкы. Уара ибзианы иудыруеит арҭ ауаа ацәгьара аҟаҵара ишазгагоу. 23 Дара ус сарҳәеит: „Даҳзыҟаҵа ҳаԥхьа игыланы ицалаша анцәа, избанзар Египет ҳалызгаз ари ауаҩ, Моисеи, ихьыз ҳаздырӡом“. 24 Усҟан сара ус сҳәеит: „Ахьы змоу зегьы ирымӷыхны исырҭааит“. Сара уи ахьы амца иақәсыжьын, абри аҳәыс алҵит».

25 Моисеи ибеит ауаа нкылашьа рымамкәа ишыҟалаз, избанзар Ааро́н урҭ аанимкылаӡеит, даргьы раӷацәа рҿаԥхьа ахьымӡӷ ргеит. 26 Усҟан Моисеи алагер аҭаларҭаҿы днагылан, ус иҳәеит: «Иегова иган аанызкыло са сахь шәааи!» Алевитцәа зегьы икәшаны иаагылеит. 27 Моисеи ус реиҳәеит: «Абас иҳәоит израильаа Рынцәа Иегова: „Дасу иҟама аашьҭыхны, алагер далсны, иашьеи, игәылеи, иҩызеи ишьааит“». 28 Алевитцәа Моисеи ииҳәаз ҟарҵеит. Уи аҽны 3 000-ҩык раҟара ауаа шьын. 29 Моисеи ус иҳәеит: «Иегова имаҵ аура шәҽазышәк. Шәара шәԥеи шәашьеи шәырҿагылт, убри азы Анцәа иахьа дышәзылԥхоит».

30 Адырҩаҽны Моисеи ажәлар ус реиҳәеит: «Шәара агәнаҳа ӷәӷәа ҟашәҵеит. Сара Иегова иахь схалоит, шәыгәнаҳа шәанаижьырц азы акыр сзыҟаҵозаргьы гәасҭоит». 31 Моисеи Иегова иахь дхынҳәын, ус иҳәеит: «Закәытә гәнаҳа ӷәӷәозеи ари ажәлар иҟарҵаз! Дара ахьтәы нцәахәы ҟарҵеит! 32 Иулшозар, рыгәнаҳа ранажь, акәымзар сыхьӡгьы изнуҵаз ашәҟәы ианых». 33 Аха Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Сышәҟәы зыхьӡ анысхуа исзымӡырҩӡакәа агәнаҳа ҟазҵаз иоуп. 34 Шьҭа ухынҳәны, иуасҳәаз аҭыԥ ахь ауаа га. Сымаалықь уаԥхьа дгыланы дцоит, урҭ рус анысыӡбо амш азы агәнаҳа ҟазҵаз ахьсырхәуеит». 35 Иегова ажәлар аҳәыс ахьыҟарҵаз азы иахьирхәит, — Ааро́н иҟаиҵаз аҳәыс азы.

33 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Уҽеидкыл, Египет иалугаз ажәлар уманы, Авраами, Исааки, Иакови „иухылҵуа ирысҭоит“ ҳәа сықәны изықәсыргәыӷыз адгьыл ахь уца. 2 Сара уаԥхьа амаалықь дсышьҭуеит, насгьы ханаа́нааи, аморе́иааи, хе́ттааи, ферезе́иааи, хиве́иааи, иеву́сааи наҟ иқәысцоит. 3 Шәца ахши ацхеи меигӡарахда иахьыҟоу адгьыл ахь. Аха сара сшәыцны сцаӡом, амҩан шәҭасмырхарц азы, избанзар шәара иуҳәо змаҳауа* жәларуп».

4 Ауаа уцәа уҭазырӡыӡо арҭ ажәақәа анраҳа, даараӡа ргәы рыхьит, убри аҟынтә аӡәгьы арԥшӡагақәа ихеимҵаӡеит, имӷеимҵаӡеит. 5 Иегова Моисеи иеиҳәеит: «Израильаа абас сызраҳә: „Шәара иуҳәо змаҳауа жәларуп. Шәлагер сналсны, еимгеимцарак иалагӡаны шәықәсхыр сылшон. Ишәзызуа сыӡбаанӡа арԥшӡагақәа шәхашәымҵан, ишәымӷашәымҵан“». 6 Ашьха Хори́в аҿы иҟалаз ашьҭахь израильаа уаҳа арԥшӡагақәа ныҟәыргаӡомызт.

7 Моисеи иқьала алагер анҭыҵ, маҷк инацәыхараны иргылеит. Иара уи аиқәшәара ақьала ахьӡиҵеит. Иегова акы иазҵаарц зҭахыз дарбанзаалак алагер анҭыҵ иҟаз аиқәшәара ақьалахь днеиуан. 8 Моисеи иқьалахь иҿанынеихоз, ауаа зегьы дасу рқьалақәа рҿы игыланы, Моисеи иқьала дыҩналаанӡа ишьҭаԥшуан. 9 Моисеи ақьала дыҩналаны, Анцәеи иареи ахьынӡеицәажәоз, аԥҭа ашьаҟа лбааны, аҩналарҭаҿы игылан. 10 Аԥҭа ашьаҟа зегьы ирбон, дасу иқьалаҿы дгыланы, Анцәа диеихырхәон. 11 Иегова Моисеи ауаа шеицәажәо еиԥш лабҿаба диацәажәон. Моисеи алагер ахь даныхынҳәуаз, маҵуҩыс, цхырааҩыс имаз Иисус Нави́н ақьала даԥырҵӡомызт.

12 Моисеи Иегова ус иеиҳәеит: «Уара „сыжәлар гала“ ҳәа соуҳәоит, аха исыцуҵо дызусҭоу умҳәаӡеит. Уи адагьы, уара иуҳәеит: „Сара ибзианы уздыруеит, сагьузыразуп“. 13 Усзыразызар, суҳәоит, умҩақәа сзаарт. Сара уздыруазарц сҭахуп, исҭахуп анаҩсгьы усзыразызарц. Иухоумыршҭын арҭ ауаа ужәлар шракәу». 14 Анцәа Моисеи ус иеиҳәеит: «Сара схаҭа суцны сцоит, аҭынчрагьы усҭоит». 15 Моисеи Анцәа ус иеиҳәеит: «Уҳацны умцозар, арантәи џьаргьы ҳумган. 16 Излардыруеи егьырҭ ужәлари сареи ушаҳзыразу? Уҳацны уцар ауп уи анырдыруа. Убри алоуп ужәлари сареи адгьыл иқәынхо ажәларқәа зегьы ҳазларылукаало».

17 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Уззыҳәогьы ҟасҵоит, избанзар сара сузыразуп, ибзиангьы уздыруеит». 18 Усҟан Моисеи Анцәа диҳәеит: «Суҳәоит, ухьӡ-уԥша сырба». 19 Анцәа иҳәеит: «Сара сыхьӡ-сыԥша* усырбоит, сыхьӡ Иеговагьы узаасыртуеит. Сара сыззыразызарц сҭаху сизыразызаауеит, ирыцҳасшьарц исҭахугьы дрыцҳасшьалоит». 20 Анаҩс иациҵеит: «Аха уара схы-сҿы убаӡом, избанзар ауаҩы схы-сҿы баны, иԥсы ҭаны дзаанхом».

21 Иегова иҳәеит: «Абар сааигәара аҭыԥ ахьыҟоу, уааины ари ацаҟьаҿы угыл. 22 Сыхьӡ-сыԥша усырбарц азы сувсны санцо, аҩхаа убжьасыргылоит, нас сувсаанӡа снапы уԥыракны искызаауеит. 23 Снапы саннахалак, сышьҭахь ала субоит, аха схы-сҿы убаӡом».

34 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Иусҭахьаз ахаҳә ҟьаԥсқәа иреиԥшны ҩ-хаҳәк цәны иҟаҵа. Сара урҭ иԥуҽыз ахаҳәқәа ирныз ажәақәа рнысҵоит. 2 Шьыжьынӡа уҽырхиа, ашьыжь ашьха Синаи ухаланы, ақәцәаҿы саԥхьа угыл. 3 Амала, аӡәгьы дуцны дхамлароуп, уара уда ари ашьхаҿы аӡәгьы дыҟамзароуп, аԥсасагьы ашьамаҟагьы ашьха азааигәара имҳәлароуп».

4 Моисеи иԥиҽыз ахаҳәқәа иреиԥшыз ҩ-хаҳәк ицәын, ашьыжь шаанӡа дгыланы, Иегова ишиеиҳәаз еиԥш, ашьха Синаи дхалеит, инапаҿы ҩ-хаҳә ҟьаԥск икын. 5 Иегова аԥҭа далаланы дылбааит, нас Моисеи днаидгылан, Иегова ихьӡ илеиҳәеит. 6 Иегова Моисеи иаԥхьа диасын, абас иҳәеит: «Иегова, Иегова, згәы ҳалалу*, арыцҳашьареи ачҳареи злоу, узықәгәыӷыртә иҟоу, бзиабарала* иҭәу Нцәоуп. 7 Иара зықьҩыла ауаа рахь гәыбылрала иҭәу абзиабара ааирԥшуеит, агхеи, ацәгьоуреи, агәнаҳаи ранаижьуеит, аха ахара зду иахьмырхәӡакәа иаанижьӡом. Абацәа рыгәнаҳазы аԥацәеи амоҭацәеи ахԥатәии аԥшьбатәии абиԥарақәа рҟынӡа иахьирхәуеит».

8 Моисеи иаразнак дшьамхышгылан, адгьыл аҟынӡа дхырхәеит. 9 Нас ус иҳәеит: «Иегова, усзыразызар, суҳәоит, Иегова, иуҳәо змаҳауа* ажәлар шҳакәугьы, уҳацны уаала. Иҳанажь ҳацәгьоуреи ҳагәнаҳаи, насгьы иутәу жәларны ҳҟаҵа». 10 Анцәа иҳәеит: «Сара шәареи сареи ҳабжьара аиқәшаҳаҭра бжьасҵоит: ужәлар рҿаԥхьа сара адгьыл иқәынхо ажәларқәа ахаан ирымбац узыршанхо аусқәа ҟасҵоит. Усҟан шәызланхо ажәларқәа зегьы Иегова иусқәа рбоит, избанзар сара шәара шәзы узыршанхо* аусқәа ҟасҵоит.

11 Иахьа ишәыдысҵо зегьы нашәыгӡала. Сара аморе́иааи, ханаа́нааи, хе́ттааи, ферезе́иааи, хиве́иааи, иеву́сааи рыдгьыл аҟынтә иқәысцоит. 12 Шәахьцо адгьыл иқәынхои шәареи аиқәшаҳаҭра шәыбжьашәымҵан, акәымзар уи шәара шәзы ацәҟьа иаҩызахоит. 13 Ркәырбаннагарҭақәа рбганы ишьҭашәҵ, иԥшьоу ргәашьақәа ԥыххааса иқәышәҵа, иԥшьоу рышьаҟақәагьы* ԥҟаны икашәыжь. 14 Даҽа нцәак шәимҵамхырхәалан, избанзар Иегова иара заҵәык имҵахырхәалар зҭаху иеиԥш деицырдыруеит. Иара иара заҵәык имҵахырхәалар зҭаху Нцәоуп. 15 Уи адгьыл иқәынхои шәареи аиқәшаҳаҭра шәыбжьашәымҵан, акәымзар урҭ рынцәақәа ианрымҵахырхәало, насгьы акәырбанқәа анрызнаргало, аӡәы дшәыԥхьоит, шәаргьы уи инеигаз акәырбан шәфалоит. 16 Усҟан шәыҷкәынцәа рзы урҭ рыԥҳацәа жәгалоит. Урҭ рыԥҳацәа рынцәақәа ирымҵахырхәалоит, шәыҷкәынцәагьы уахь ииаргоит.

17 Ирҭәаны иҟаҵоу анцәахәқәа ҟашәымҵалан.

18 Арҵәыга злам ача аныҳәа азгәашәҭала. Сара ишшәасҳәаз еиԥш, арҵәыга злам ача шәфала. Бжьымш уи ҟашәҵала иазалху аамҭазы ави́в* амзазы, избанзар уи амзазы ауп Египет шәаналҵ.

19 Раԥхьа ииуа аԥацәа зегьы сара истәуп. Шәырахә рҟынтәгьы раԥхьа ииуа сара истәуп, ацә акәзаргьы, аҭыӷь акәзаргьы. 20 Раԥхьа ииуа аҽада уасала иҿышәхла. Иҿышәымхуазар, ахәдаџьал хыжәжәа. Раԥхьа ииуа шәыҷкәынцәагьы ҿышәхлароуп. Сара сахь аӡәгьы инапы ҭацәны дмааиааит.

21 Фымш аус жәула, абыжьбатәи амш азы шәыԥсы шәшьала*, ацәаӷәареи аҭагалареи ираамҭазаргьы.

22 Иазгәашәҭала Амчыбжьқәа рныҳәа, ачарыц иҿало раԥхьатәи аҽаҩра анҭажәгало. Ашықәс анҵәамҭазы Ҽаҩраҭагалара аныҳәа* азгәашәҭала.

23 Шықәсык ахь хынтә ахацәа зегьы Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ, израильаа Рынцәа Иегова, иахь инеилароуп. 24 Сара ажәларқәа рыдгьылқәа рҟынтә иқәысцоит, шәыдгьылқәа рҳәаақәагьы сырҭбаауеит. Шықәсык ахь хынтә Шәынцәа Иегова иахь шәанцало, аӡәымзар-аӡәгьы шәыдгьыл дақәларц далагаӡом.

25 Акәырбан ансызнажәго, ашьтәа ашьеи арҵәыга змоу ачеи еицнашәымган. Мшаԥныҳәазы инажәго акәырбан шьыжьынӡа иааншәмыжьлан.

26 Адгьыл ишәнаҭо раԥхьатәи аҽаҩра аҟынтә зегь иреиӷьу Шәынцәа Иегова иҩнахьы инажәгала.

Аӡыс ан ахш аҿы ишәымжәлан».

27 Иегова Моисеи иеиҳәеит: «Ианҵа абарҭ ажәақәа, избанзар уареи сареи ҳабжьареи Израильи сареи ҳабжьареи ибжьасҵо аиқәшаҳаҭра шьаҭас иамазаауа абарҭ ажәақәа роуп». 28 Моисеи Иегова иҿы 40 мши 40 ҵхи дыҟан. Уи аамҭа аҩныҵҟа иара акрагьифомызт, акрагьижәуамызт. Анцәа аиқәшаҳаҭра ажәақәа — жәа-ԥҟарак* — ахаҳә ҟьаԥсқәа ирниҵеит.

29 Моисеи ашьха Синаи аҟынтә дылбааит. Иара аԥҟарақәа зныз ҩ-хаҳә ҟьаԥск* икын. Моисеи издырӡомызт Анцәеи иареи реицәажәара ашьҭахь ихы-иҿы шылашоз. 30 Ааро́ни израильааи Моисеи ихы-иҿы шылашоз анырба, иааигәара анеира ишәеит.

31 Усҟан Моисеи урҭ дрыԥхьан, Ааро́ни ажәлар реиҳабацәеи иара иахь инеит, иаргьы рацәажәара далагеит. 32 Уи ашьҭахь израильаа зегьы иара иахь инеит. Иара Синаи ашьхаҿы Иегова иҟынтә иоуз амҩақәҵарақәа зегьы рзеиҭеиҳәеит. 33 Моисеи израильаа данрацәажәалак ашьҭахь еснагь ихы-иҿы қәыршәла иҵәахуан. 34 Иегова иахь даныҩналоз, диацәажәарц азы, ихы-иҿы ақәыршә ақәихуан. Иара ақьала дыҩныҵны, израильаа Анцәа иҟынтә иоуз амҩақәҵарақәа риҭон. 35 Израильаа ирбон Моисеи ихы-иҿы шылашоз; усҟан Моисеи еиҭах ихы-иҿы қәыршәла иҵәахуан, Анцәа диацәажәарц азы ақьала дыҩналаанӡагьы ихы-иҿы ааиртӡомызт.

35 Моисеи израильаа зегь еизиган, ус реиҳәеит: «Абар Иегова ииҳәаз: 2 фымш аус жәулар ҟалоит, абыжьбатәи амш шәара шәзы иԥшьоу мшхоит. Уи Иегова изку сабшоуп, аԥсшьара иазку мшуп. Уи аҽны аус зуло дышьтәуп. 3 Асабшамш аҽны шәынхарҭақәа рҿы амца еиқәышәымҵалан».

4 Анаҩс Моисеи израильаа ус реиҳәеит: «Абар Иегова ииҳәаз: 5 „Изнажәг Иегова аҳамҭақәа, гәыкала Иегова аҳамҭақәа изназгарц зҭаху изнаргааит ахьы, араӡны, абҩа, 6 иара убас ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәа, ақәны цқьа, аџьмахәы иалху аласа, 7 ҟаԥшьыла ишәу аҭыӷь ацәа, атиулень ацәа, ақәыцҵла* иалху амҿымаҭәахә, 8 ахәша алашарбагазы, абальзам* иԥшьоу ахәшазы, насгьы афимиам азы, 9 аоникси егьырҭ ахаҳәқәеи аефо́д ази аџьыба* ази.

10 Зус бзианы издыруа шәнапҟазацәа ааины Иегова ииҳәаз зегь ҟарҵааит. 11 Иҟарҵааит иԥшьоу ақьалеи уи ақәыршәқәеи, аибаркыгақәеи, арамақәеи, алабақәеи, ашьаҟақәеи, акылҳара змоу ашьаҭақәеи; 12 аковчеги уи алабақәеи, ахҩеи, аиҩкаагатә ԥардеи 13 астоли уи алабақәеи, астол иацу амаҭәарқәа зегьи, саԥхьа иқәзаауа ачеи; 14 алашарбагеи, уи иацу амаҭәарқәеи, алашарбага акәаҷабқәеи, урҭ рзы ахәшеи; 15 афимиам ахьырбылуа акәырбаннагарҭеи уи алабақәеи; иԥшьоу ахәшеи, афимиами; иԥшьоу ақьала аҩналарҭаҿы икнарҳауа аԥардеи; 16 акәырбанқәа ахьырбылуа акәырбаннагарҭеи, уи иацу абҩа иалху аихаци, алабақәеи, уи иацу егьырҭ амаҭәарқәеи; ачани уи зықәдыргылои; 17 ашҭазы ақәыршәқәеи, ашьаҟақәеи, акылҳара змоу ашьаҭақәеи; ашҭа агәашә азы аԥардеи; 18 аҵәқәа иԥшьоу ақьалази, ашҭази, урҭ рзы аҿаҳәагақәеи; 19 аԥшьаҭыԥ аҿы амаҵ ауразы иԥшӡаны ису амаҭәеи, аԥшьаҩы Ааро́н изы иԥшьоу амаҭәеи, иԥацәа рзы амаҭәеи, ԥшьаҩцәас сымаҵ руларц азы“».

20 Уи ашьҭахь израильаа Моисеи иҟынтә ицеит. 21 Анаҩс гәык-ԥсыкала Иегова аҳамҭақәа изназгарц зҭахыз зегьы аиқәшәара ақьала аҟаҵарази, уа амаҵ аурази, иԥшьоу амаҭәази иаҭахыз зегь наргеит. 22 Ҳәсагьы-хацәагьы, згәы иаҭахыз зегь аауан. Дара иааргон амаҭәа иарҭо агәлаҵақәа, алымҳареиқәа, амацәазқәа, егьырҭ арԥшӡагақәа, иара убас ахьы иалхыз еиуеиԥшым амаҭәарқәа. Дара ахьы ҳамҭаҵас* Иегова изнаргон. 23 Иара убас инаргон ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи, ақәны цқьеи, аџьмахәы иалху аласеи, ҟаԥшьыла ишәу аҭыӷь ацәеи, атиулень ацәеи. Уи змаз зегьы инаргон. 24 Араӡни абҩеи назгар зҭахыз зегьы ҳамҭас Иегова изнаргон, иара убас аус азы иаҭахыз ақәыцҵла иалху амҿымаҭәахә змаз зегьы инаргон.

25 Ибзианы ахахашьа здыруаз аҳәса зегьы ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи ақәны цқьеи наргон. 26 Иара убас згәы иаҭахыз аҳәса зегьы аџьмахәы иалхны аласа рхахон.

27 Ахадацәа аефо́ди аџьыбеи рзы иаҭахыз аоникси егьырҭ ахаҳәқәеи наргеит, 28 иара убас инаргеит алашарбагеи, иԥшьоу ахәшеи, афимиами рзы абальзами амаслинахәшеи. 29 Згәы иаҭахыз ахацәеи аҳәсеи зегьы Иегова Моисеи ила ирыдиҵаз аус анагӡаразы иаҭахыз наргон. Израильаа уи хатәгәаԥхарала Иегова изнаргон.

30 Анаҩс Моисеи израильаа ус реиҳәеит: «Иегова далихит Иуда ишьҭра иатәу, Хур иԥа У́ри иԥа Бецале́л. 31 Иара уи идоуҳа ииҭеит, аҟәыӷареи, аилкаареи, адырреи иоурц, иарбан усзаалак дазҟазаны дҟаларц азы, 32 иԥшӡоу амаҭәарқәа ҟаиҵаларц, ахьи, араӡни, абҩеи аус рыдиулаларц, 33 ахаҳәқәа ԥҟаны иҭаиргылаларц, амҿы иалхны еиуеиԥшым амаҭәарқәа ҟаиҵаларц азы. 34 Иара убас иара Бецале́лгьы, Дан ишьҭра иатәу Ахисама́х иԥа Аголиа́вгьы ирдыруа егьырҭ иддырҵаларц азы абаҩхатәра рылеиҵеит. 35 Иара урҭ еиуеиԥшым аусқәа ҟазарыла инарыгӡаларц, иқәҵаны иӡахларц, ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи, ақәны цқьеи аус рыдырулаларц, насгьы асыга ала исларц абаҩхатәра рылеиҵеит. Урҭ ирзынамыгӡо ауси агәҭаки ҟалом.

36 Бецале́л Аголиа́ви зус бзианы издыруа егьырҭ анапҟазацәеи аус рыциулоит. Иегова урҭ аҟәыӷареи аилкаареи риҭеит, иԥшьоу ақьалазы иаҭаху зегьы Иегова ишиҳәаҵәҟьаз еиԥш иҟарҵарц азы».

2 Анаҩс Моисеи Бецале́ли, Аголиа́ви, Иегова аҟәыӷара зиҭаз анапҟазацәеи зегьы дрыԥхьеит, гәыкала уи аус знапы азыркырц зҭахыз зегьы дрыԥхьеит. 3 Дара израильаа иԥшьоу ақьалазы инаргаз аҳамҭақәа Моисеи имырхит. Аха ауаа есышьыжь Моисеи аҳамҭақәа изнагара иаҿын.

4 Усҟан иԥшьоу аус знапы азыркыз анапҟазацәа аӡәаӡәала иааны, 5 Моисеи ус иарҳәо иалагеит: «Ажәлар Иегова иҳадиҵаз аус анагӡаразы иаҭаху аасҭа еиҳаны иааргоит». 6 Убри аҟынтә Моисеи алагер зегь аҿы абас рыларҳәарц адҵа ҟаиҵеит: «Ахацәеи аҳәсеи, иԥшьоу ақьалазы уаҳа аҳамҭақәа аашәымгалан». Усҟан ажәлар аҳамҭақәа раагара иаҟәыҵит. 7 Еизыргаз зегьы аус зегь анагӡаразы иазхон, иаҭахыз аасҭагьы еиҳан.

8 Зус бзианы издыруаз анапҟазацәа иԥшьоу ақьалазы 10 қәыршәк ҟарҵеит. Урҭ ақәыршәқәа иршаны иҟоу ақәны рахәыци, ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи рыла исны иҟаҵан. Иара* урҭ ақәыршәқәа рҿы ахерувимцәа рсахьа қәҵаны ианиҵеит. 9 Қәыршәк аура 28 мышьхәылҵ иҟан, аҭбаара — 4 мышьхәылҵк*. Ақәыршәқәа зегьы еиҟаран. 10 Анаҩс иара 5 қәыршәк еиԥишьын, қәыршәк ҟаиҵеит, даҽа 5 қәыршәк еиԥишьын, даҽа қәыршәк ҟаиҵеит. 11 Анаҩс ақәыршә аҵкар аҿы, ақәыршәқәа реиԥшьырҭа ҭыԥ аҿы, арахәыц иаҵәа иалхны аиқәҳәаларҭақәа ҟаиҵеит, егьи ақәыршә аҵкар аҿгьы убасҵәҟьа ҟаиҵеит. 12 Иара қәыршәк аҵкар аҿы 50 еиқәҳәаларҭа аиҭеит, егьи ақәыршә аҵкар аҿгьы 50 еиқәҳәаларҭа аиҭеит, урҭ ахьеиԥшьхо аҭыԥ аҿы аиқәҳәаларҭақәа еиҿаԥшуа иҟаларц азы. 13 Анаҩс иара ахьы иалхны 50 еибаркыга ҟаҵаны, ақәыршәқәа еиԥишьит, иԥшьоу ақьалагьы акны иҟалеит.

14 Иара иԥшьоу ақьалазы аџьмахәы иалху аласа иалхны 11 қәыршә ҟаиҵеит. 15 Қәыршәк аура 30 мышьхәылҵ иҟан, аҭбаара — 4 мышьхәылҵк*. Урҭ 11 қәыршә еиҟаран. 16 Анаҩс 5 қәыршәк еиԥшьны қәыршәк ҟаиҵеит, даҽа 6 қәыршәк еиԥшьны даҽа қәыршәк ҟаиҵеит. 17 Иара ақәыршәқәа реиԥшьырҭа ҭыԥ аҿы, аҵыхәтәантәи ақәыршә аҵкар аҿы, 50 еиқәҳәаларҭа аиҭеит, егьи аҵыхәтәантәи ақәыршә аҵкар аҿгьы 50 еиқәҳәаларҭа аиҭеит. 18 Иара убас абҩа иалхны 50 еибаркыга ҟаиҵан, аиқәҳәаларҭақәа ирҭаршәны, ақәыршәқәа еиԥишьит, урҭгьы акны иҟалеит.

19 Иара ҟаԥшьыла ишәу аҭыӷь ацәа иалхны ақәыршә ҟаиҵеит, нас атиулень ацәа иалхны даҽа қәыршәк ҟаиҵан, хыхь иақәиршәит.

20 Анаҩс иара иԥшьоу ақьалазы ақәыцҵла иалхны арамақәа ҟаиҵеит, нас урҭ ршьапқәа ирықәиргылеит. 21 Рамак аҳаракыра 10 мышьхәылҵк иҟан, аҭбаара — мышьхәылҵки бжаки*. 22 Арамақәа зегьы еивагыланы ицоз ҩба-ҩба ҵәы рылыҳәҳәон. Иԥшьоу ақьала арамақәа зегьы убас иҟаиҵеит. 23 Иара иԥшьоу ақьала аладатәи аган азы 20 рама ҟаиҵеит. 24 Урҭ арамақәа рзы араӡны иалхны, акылҳарақәа аҭаны, 40 шьаҭа ҟаиҵеит. Ҩ-ҵәык змоу арама ҩ-шьаҭак ирҭаиргылеит. Убасала арамақәа зегьы ҩба-ҩба шьаҭа рыҭаны иҟаиҵеит. 25 Иԥшьоу ақьала егьи аган азгьы — аҩадатәи аган азы — иҟаиҵеит 20 рамеи 26 араӡны иалху 40 шьаҭеи. Ҩ-шьаҭак рамак азы, убас рамацыԥхьаӡа ҩба-ҩба шьаҭа.

27 Иԥшьоу ақьала ашьҭахьтәи аган азы — мраҭашәаратәи аган азы — 6 рамак ҟаиҵеит. 28 Даҽа ҩ-рамак иԥшьоу ақьала ашьҭахьтәи аган аҿы акәакьқәа рзы ҵаргәас иҟалартә еиԥш иҟаиҵеит. 29 Урҭ арамақәа хыхь актәи амацәаз аҿы еидылоз ҩ-хәҭак рыла ишьақәгылан. Убасала иара акәакьқәа рзы ҩ-ҵаргәак ҟаиҵеит. 30 Иааизакны 8 рамаки араӡны иалху 16 шьаҭеи ыҟан: рамацыԥхьаӡа ҩба-ҩба шьаҭа.

31 Анаҩс ақәыцҵла иалхны арамақәа рзы алабақәа ҟаиҵеит. Иԥшьоу ақьала ганк азы 5 лабак, 32 егьи аган азы — 5 лабак, ашьҭахьтәи аган азгьы — мраҭашәаратәи аган азы — 5 лабак. 33 Агәҭантәи алаба арамақәа рыгәҭа шыҟоу ахы инаркны аҵыхәанӡа ицо иҟаиҵеит. 34 Иара арамақәа хьыла ихиҟьан, алабақәа ахьҭадыргылоз ахьтәы мацәазқәа рыдҟаиҵалеит, алабақәагьы хьыла ихиҟьеит.

35 Нас ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи иршаны иҟоу ақәны рахәыци ирылхны аиҩкаагатә ԥарда ҟаиҵеит. Аԥарда ахерувимцәа рсахьа қәҵаны ианиҵеит. 36 Анаҩс аԥардазы ақәыцҵла иалхны ԥшь-шьаҟак ҟаиҵан, хьыла ихиҟьеит. Урҭ рзы аҿарԥақәагьы ахьы иалхын. Ашьаҟақәа рзы араӡны иалхны ԥшь-шьаҭак ирҭәеит. 37 Ақьала аҩналарҭазы ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи иршаны иҟоу ақәны рахәыци ирылхны аԥарда ҟаиҵеит. 38 Иара убас иҟаиҵеит аҿарԥақәа змаз хә-шьаҟак. Ашьаҟақәа рықәцәқәеи реиԥшьыгақәеи* хьыла ихиҟьеит, урҭ рышьаҭақәа рыхәбагьы абҩа иалхын.

37 Бецале́л ақәыцҵла* иалхны аковчег ҟаиҵеит. Уи аура ҩ-мышьхәылҵки бжаки иҟан, аҭбаара — мышьхәылҵки бжаки, аҳаракырагьы — мышьхәылҵки бжаки*. 2 Анаҩс уи аҩныҵҟалеи адәахьалеи хьы цқьала ихиҟьеит, нас хыхь иаакәыршаны аганқәа хьыла ирԥшӡеит. 3 Иара ахьы иалхны ԥшь-мацәазк рҭәаны иҟаиҵеит, нас рыԥшь-шьапык рханы иеиҭеит: ганкахьала ҩ-мацәазк, егьи аганахь алагьы ҩ-мацәазк. 4 Уи ашьҭахь ақәыцҵла иалхны алабақәа ҟаиҵан, хьыла ихиҟьеит. 5 Иара урҭ алабақәа аковчег наҟ-ааҟ иамоу амацәазқәа ирыҵихит, аковчег анага-аагаразы.

6 Иара ахьы цқьа иалхны ахҩа ҟаиҵеит. Аура ҩ-мышьхәылҵки бжаки иҟан, аҭбаара — мышьхәылҵки бжаки. 7 Ахҩа аҩҵкарк рҿы ахьы иалхны ҩ-херувимк ҟаиҵеит. Урҭ чаԥаны иҟаҵан. 8 Херувимк ахҩа ҵкарк аҿы иқәгылан, егьи ахерувим даҽа ҵкарк аҿы. Иара ахерувимқәа ахҩа аҩҵкарк рҿы наҟ-ааҟ иқәиргылеит. 9 Ахерувимқәа рымҵәыжәҩақәа аковчег ахҩа хырҩо хыхь ирхан. Дара еиҿатәан, рхы-рҿы ахҩахьы ирхан.

10 Анаҩс ақәыцҵла иалхны астол ҟаиҵеит. Аура ҩ-мышьхәылҵк иҟан, аҭбаара — мышьхәылҵк, аҳаракыра — мышьхәылҵки бжаки*. 11 Иара уи хьы цқьала ихиҟьеит, иаакәыршангьы хьыла ирԥшӡеит. 12 Астол напсыргәыҵак* иаҟараны акәырша аиҭеит, акәырша инаваршәны хьыла ирԥшӡеит. 13 Иара ахьы иалхны ԥшь-мацәазк рҭәаны иҟаиҵеит, нас ашьапқәа ахьыҟоу ԥшь-кәакьк рҿы иеиҭеит. 14 Амацәазқәа акәырша ааигәара иаман, астол анеиҭарго алабақәа аҵхны инарга-ааргаларц азы. 15 Анаҩс астол нарга-ааргаларц азы ақәыцҵла иалхны алабақәа ҟаиҵан, хьыла ихиҟьеит. 16 Уи ашьҭахь астол иқәгылазар зыхәҭаз амаҭәарқәа ахьы цқьа иалхны иҟаиҵеит: асаанқәеи аҵәцақәеи, кәырбанс инарго аҩы азы агәыблаақәеи аԥҳалқәеи.

17 Анаҩс иара ахьы цқьа иалхны алашарбага ҟаиҵеит. Уи ашьаҭеи, агәыцәи, ашәҭыцқәа зку ашьаҭеи, ашәҭ апытҟәырқәеи, ашәҭқәеи акны ичаԥан. 18 Алашарбага агәыцә аҟынтә ф-махәык цон: х-махәык ганк ала, даҽа х-махәык егьи аган ала. 19 Алашарбага аҩганк рҟынтә ицоз амахәқәа рҿы аминдаль ашәҭ иеиԥшу ашәҭыцқәа зку хԥа-хԥа шьаҭа ыҟан. Уи иахагыланы ашәҭ апытҟәыр цон, апытҟәыр иахагыланы ашәҭ цон, убас еишьҭанеиуа ицон. Убас иҟан алашарбага агәыцә аҟынтә ицоз амахәқәа рыфбагьы. 20 Алашарбага агәыцә аминдаль ашәҭ иеиԥшу ашәҭыцқәа зку ԥшь-шьаҭак аман. Уи ашьаҭа иахагыланы ашәҭ апытҟәыр цон, апытҟәыр ашьҭахь ашәҭ цон, убас еишьҭанеиуа ицон. 21 Ашәҭ апытҟәырқәа актәи амахәқәа рыҵаҟа иҟан, аҩбатәи амахәқәа рыҵаҟа иҟан, ахԥатәи амахәқәа рыҵаҟагьы иҟан, убас алашарбага агәыцә аҟынтә иҩеиуа амахәқәа рыфбагьы рыҵаҟа иҟан. 22 Ашәҭ апытҟәырқәа, амахәқәа — алашарбага зегь шынеибарку — акны ичаԥан. 23 Анаҩс алашарбагазы ахьы цқьа иалхны иҟаиҵеит быжь-кәаҷабки, ацыблыхақәа зламырхуа ама́шьақәеи, афҭилқәа зҭарҵо амаҭәарқәеи. 24 Иара алашарбагеи уи иацу амаҭәахәқәеи зегьы талантк* ахьы цқьа иалихит.

25 Иара ақәыцҵла иалхны афимиам ахьырбылуа акәырбаннагарҭа ҟаиҵеит. Уи аганқәа еиҟаран: ауреи аҭбаареи мышьхәылҵк-мышьхәылҵк иҟан, аҳаракыра — ҩ-мышьхәылҵк*. Акәырбаннагарҭа атәыҩақәеи иареи амҿы иалхны акны иҟаҵан. 26 Анаҩс иара акәырбаннагарҭа ахи, аганқәеи, атәыҩақәеи хьы цқьала ихиҟьеит, нас хыхь иаакәыршаны хьыла ирԥшӡеит. 27 Акәырша аҵаҟа акәырбаннагарҭа наҟ-ааҟ ахьы иалхны ҩба-ҩба мацәаз аиҭеит, алабақәа рыҵхны инарга-ааргаларц азы. 28 Уи ашьҭахь ақәыцҵла иалхны алабақәа ҟаиҵан, хьыла ихиҟьеит. 29 Иара убас иԥшьоу ахәшеи афимиам цқьеи ҟаиҵеит. Иара урҭ зыфҩы хаау амарҭхәқәа еилаҵаны ишыҟарҵо еиԥш иҟаиҵеит.

38 Анаҩс иара ақәыцҵла* иалхны ирбылуа акәырбанқәа рзы акәырбаннагарҭа ҟаиҵеит. Акәырбаннагарҭа аганқәа еиҟаран: ауреи аҭбаареи хәба-хәба мышьхәылҵ иҟан, аҳаракыра — 3 мышьхәылҵк*. 2 Акәакьқәа рыԥшьбагь рҿы атәыҩақәа аиҭеит; урҭ акәырбаннагарҭа иахәҭакын. Анаҩс акәырбаннагарҭа бҩала ихиҟьеит. 3 Уи ашьҭахь акәырбаннагарҭа иатәыз амаҭәарқәа зегь ҟаиҵеит: аведрақәа, аҭәырӷәқәа*, алагьанқәа, авилкақәа, иара убас акәицқәа зҭарыԥсоз. Урҭ амаҭәарқәа зегьы абҩа иалхны иҟаиҵеит. 4 Анаҩс иара акәырбаннагарҭазы абҩа иалхны аихац ҟаиҵеит. Иара уи акәырбаннагарҭа аҵкар аҵаҟа агәҭа иақәыршәаны иеиҭеит. 5 Нас алабақәа рзы ԥшь-мацәазк рҭәаны иҟаиҵан, абҩа иалху аихац азааигәара ԥшь-кәакьк рҿы иеиҭеит. 6 Уи ашьҭахь ақәыцҵла иалхны алабақәа ҟаиҵан, бҩала ихиҟьеит. 7 Иара урҭ алабақәа акәырбаннагарҭа наҟ-ааҟ иамаз амацәазқәа ирыҵихит, инарга-ааргаларц азы. Иара уи аӷәқәа ирылхны аиашьык еиԥш иҟаиҵеит.

8 Анаҩс абҩа иалхны ачани уи зықәдыргылои ҟаиҵеит. Урҭ аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы амаҵ зуаз аҳәса рсаркьақәа ирылхны иҟаиҵеит*.

9 Нас ашҭа ҟаиҵеит. Ашҭа аладатәи аган иршаны иҟоу ипоу ақәны рахәыц ала иҟаҵоу ақәыршә ала ихикааит. Уи ақәыршә аура 100 мышьхәылҵк* иҟан. 10 Аладатәи аган азы абҩа иалху 20 шьаҟеи урҭ рзы акылҳара змоу абҩа иалху 20 шьаҭеи ҟаҵан. Ашьаҟақәа рзы аҿарԥақәеи аиԥшьыгақәеи* араӡны иалхын. 11 Аҩадатәи аган азгьы 100 мышьхәылҵк иҟоу ақәыршә ҟаҵан. Иара убас иҟаҵан абҩа иалху 20 шьаҟеи урҭ рзы абҩа иалху 20 шьаҭеи. Ашьаҟақәа рзы аҿарԥақәеи аиԥшьыгақәеи араӡны иалхын. 12 Мраҭашәаратәи аган азы 50 мышьхәылҵ* иҟоу ақәыршә ҟаҵан. Уи ақәыршә азы 10 шьаҟаки 10 шьаҭаки ҟаҵан. Ашьаҟақәа рзы аҿарԥақәеи аиԥшьыгақәеи араӡны иалхын. 13 Мрагыларатәи аган ала, амра ахьгыло аган ала, ашҭа аҭбаара 50 мышьхәылҵ иҟан. 14 Ашҭа аҭаларҭа азганк аҿы ақәыршә 15 мышьхәылҵ* иҟан, уи 3 шьаҟаки 3 шьаҭаки ацын. 15 Егьи агангьы убас иҟан: ақәыршә 15 мышьхәылҵ иҟан, уи 3 шьаҟаки 3 шьаҭаки ацын. 16 Ашҭа иамаз ақәыршә иршаны иҟоу, ипоу ақәны рахәыц иалхын. 17 Ашьаҭақәа абҩа иалхын, ашьаҟақәа рзы аҿарԥақәеи аиԥшьыгақәеи араӡны иалхын. Ашьаҟақәа рықәцәқәа раӡныла ихҟьан, ашҭа ашьаҟақәа зегьы араӡны иалху аибаркыгақәа рыман.

18 Ашҭа аҭаларҭаҿы иамаз аԥарда ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи иршаны иҟоу ипоу ақәны рахәыци ирылхны иҟаҵан. Уи аура 20 мышьхәылҵ иҟан, аҳаракыра — ашҭа иамаз ақәыршә аҳаракыра еиԥш — 5 мышьхәылҵк* иҟан. 19 Агәашәқәа рзы абҩа иалхны 4 шьаҟаки 4 шьаҭаки ҟаҵан. Ашьаҟақәа рзы аҿарԥақәеи аиԥшьыгақәеи араӡны иалхын, ашьаҟақәа рықәцәқәа раӡныла ихҟьан. 20 Иԥшьоу ақьалазы аҵәқәеи ашҭазы аҵәқәеи абҩа иалхын.

21 Моисеи иԥшьоу ақьала — аиқәшаҳаҭра* ақьала — аргыларазы рхы иадырхәоз амаҭәахәқәа зегьы рсиа шьақәдыргыларц адҵа ҟаиҵеит. Уи аус алевитцәа рнапы ианҵан, аԥшьаҩы Ааро́н иԥа Итама́р урҭ дырхылаԥшуан. 22 Иуда ишьҭра иатәу Хур иԥа У́ри иԥа Бецале́л Иегова Моисеи иеиҳәаз зегь ҟаиҵеит. 23 Уи дицын зус бзианы издыруа анапҟаза, иқәҵаны иӡахуа, исуа, Дан ишьҭра иатәу Ахисама́х иԥа Аголиа́в. Иара ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи ақәны цқьеи аус рыдиулон.

24 Иԥшьоу аҭыԥ аҿы инарыгӡоз аусқәа зегьы 29 таланти* 730 ше́кельи* ахьы агеит, иԥшьоу аше́кельқәа* рыла. Убриаҟара ахьоуп ирҟьо кәырбанк аҳасабала инагазгьы. 25 Ашәҟәы зҽанызҵаз ахацәа 100 талантки* 1 775 ше́кельи* араӡны наргеит, иԥшьоу аше́кельқәа рыла. 26 Ашәҟәы зҽанызҵаз 20 шықәса иреиҵам дарбанзаалак иԥшьоу аше́кельқәа рыла ше́кельбжак* ааигеит. Ашәҟәы зҽанызҵаз 603 550-ҩык ыҟан.

27 Аԥшьаҭыԥ азы ашьаҭақәеи аиҩкаагатә ԥардазы ашьаҭақәеи рҭарҭәаразы 100 талантк араӡны аҭаххеит. 100 шьаҭак 100 талантк агеит, шьаҭацыԥхьаӡа талантк-талантк. 28 Иара ашьаҟақәа рзы аҿарԥақәа ҟаиҵарц азы, иара убас ашьаҟақәа рықәцәқәа раӡныла ихиҟьарц, насгьы урҭ еиԥишьырц азы 1 775 ше́кель араӡны иҭаххеит.

29 Ҳамҭас* инаргаз абҩа 70 таланти* 2 400 ше́кельи* ҟалеит. 30 Иара уи иалхны иҟаиҵеит аиқәшәара ақьала аҩналарҭазы ашьаҭақәеи, абҩа иалху акәырбаннагарҭеи, уи иацу абҩа иалху аихаци, акәырбаннагарҭа иатәу амаҭәарқәеи, 31 ашҭазы ашьаҭақәеи, ашҭа аҭаларҭазы ашьаҭақәеи, иԥшьоу ақьалазы аҵәқәеи, ашҭазы аҵәқәеи.

39 Иԥшьоу аҭыԥ аҿы амаҵ ауразы ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыц иалхны амаҭәа рсит. Ааро́н изы иԥшьоу амаҭәа Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш иҟарҵеит.

2 Бецале́л ахьи, ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи, иршаны иҟоу ипоу ақәны рахәыци ирылхны аефо́д ҟаиҵеит. 3 Ахьтәы ҵәаҟьақәа еиҩшаны бӷьыц ҵаӷақәаны иҟаиҵеит, нас урҭ рахәыцқәаны иԥиҟеит, ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи ақәны цқьеи ирылеиԥарц азы. 4 Аефо́д азы аԥхьатәии ашьҭахьтәии аганқәа ҟарҵан, ажәҩахырқәа рҿы еиԥыршьит. 5 Аефо́д иақәу амаҟагьы ахьи, ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи, иршаны иҟоу ипоу ақәны рахәыци ирылхны иҟарҵеит, Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш.

6 Ахьтәы ркыгақәа ҩ-оникск рҭадыргылеит, урҭ ахаҳәқәа Израиль иԥацәа рыхьӡқәа амҳәыр аҿы еиԥш иҭаԥҟаны ианын. 7 Бецале́л урҭ ахаҳәқәа рыҩбагьы аефо́д ажәҩахырқәа рҿы иеиҭеит, Анцәа Израиль иԥацәа игәаладыршәаларц азы*, Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш. 8 Анаҩс иара аџьыба ҟаиҵеит. Уигьы аефо́д еиԥш ахьи, ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи, иршаны иҟоу ипоу ақәны рахәыци ирылихит. Уи иқәҵаны иӡахуа иусумҭа ауп. 9 Уи рҽны ианеиқәыз аганқәа зегьы еиҟаран — ауреи аҭбаареи ҽыҭк-ҽыҭк* иҟан. 10 Аџьыба ԥшь-радкны ахаҳәқәа ҭаргыланы иҟарҵеит. Актәи арад аҿы иҭадыргылеит: арубин, атопаз, аизумруд. 11 Аҩбатәи арад аҿы: абириуза, асапфир, аиашма. 12 Ахԥатәи арад аҿы: але́шем*, агат, аметист. 13 Аԥшьбатәи арад аҿы: ахризолит, аоникс, ажадеит. Ахаҳәқәа ахьтәы ркыгақәа ирҭадыргылеит. 14 Иааизакны 12 хаҳә ыҟан, Израиль иԥацәа рхыԥхьаӡара инақәыршәаны. Ахаҳәқәа зегьы рҿы ахьӡқәа амҳәыр аҿы еиԥш иҭаԥҟан. Хаҳәк ианыз ахьӡ 12 биԥара руак аанарԥшуан.

15 Аџьыба ашашәа еиԥш иршаны иҟаҵоу, ахьы цқьа иалхны адаҷқәа арҭеит. 16 Иҵегьы ҩ-хьтәы ркыгаки ҩ-хьтәы мацәазки ҟарҵеит. Амацәазқәа аџьыба акәакьқәа рҿы иадыркын, 17 ахьы иалхны иҟаҵаз ҩ-шашәак ркылырхит. 18 Ҩ-шашәак рҵыхәақәа аркыгақәа рыҩбагь иркылырхын, аефо́д аԥхьала ажәҩахырқәа иддыркит. 19 Анаҩс ахьы иалхны ҩ-мацәазк ҟарҵан, аџьыба ҵаҟатәи аҩкәакьк рҿы иарҭеит, аефо́д иаду аџьыба аҩныҵҟатәи аган ала. 20 Уи ашьҭахь ахьы иалхны даҽа ҩ-мацәазк ҟарҵан, аефо́д аԥхьатәи аган аҿы, ажәҩахырқәа рыҵаҟа, аефо́д ахьеиԥшьу аҭыԥ азааигәара, исны иҟаҵоу амаҟа аханы иарҭеит. 21 Аџьыба иамоу амацәазқәа ииаҵәоу ашашәала аефо́д амацәазқәа ирыдҿарҳәалеит, Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш, аџьыба амаҟа аханы иаркызарц.

22 Анаҩс Бецале́л аефо́д азы амаӷрақәа змам аҵкы ҟаиҵеит. Уи ииаҵәоу арахәыц мацара иалхын. 23 Уи аҵкы ахәда аруаҩ имаҭәа ахәдеиԥш иҟан: уи акәырша аҭаны иҟаҵан, аҵкы ԥымжәарц азы. 24 Ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәа еикәыршаны амыҵмыџьқәа ҟарҵан, аҵкы акалҭ иаакәыршаны иарҭеит. 25 Анаҩс ахьы цқьа иалхны аҵәҵәақәа ҟарҵан, аҵкы акалҭ иаакәыршаны амыҵмыџьқәа рыбжьара иарҭеит. 26 Аҵәҵәеи амыҵмыџьи рҽеиҭныԥсахло, амаҵуразы иршәырҵоз аҵкы акалҭ иакәшаны ицон, Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш.

27 Ааро́н иԥацәеи иареи рзы ақәны цқьа иалхны иауу ахарԥқәа сны иҟарҵеит. 28 Иара убас ақәны цқьа иалхны иҟарҵеит атиурбани ахҭырԥа ԥшӡақәеи, иршаны иҟоу, ипоу ақәны рахәыц иалхны иҟарҵеит аиқәа кьаҿқәа*. 29 Иршаны иҟоу, ипоу ақәны рахәыци, ииаҵәоу, апурпурԥштәы змоу, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыцқәеи ирылхны амаҟа ҟарҵеит, Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш.

30 Ахьы цқьа иалхны ицырцыруа аҵәаҟьа* — иԥшьоу адырга* — ҟарҵан, амҳәыр аҿы еиԥш иҭаԥҟаны абарҭ ажәақәа анырҵеит: «Иегова дыԥшьоуп». 31 Уи арахәыц иаҵәа аҵырхит, атиурбан иадҿарҳәаларц азы, Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш.

32 Убасала ихыркәшан иԥшьоу ақьала — аиқәшәара ақьала — иадҳәалаз аус зегьы. Израильаа Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш зегь ҟарҵеит. Убасҵәҟьа иагьыҟарҵеит.

33 Уи ашьҭахь иԥшьоу ақьала ахәҭақәа зегьы, уи ақәыршәқәеи, уи иатәу амаҭәарқәеи, Моисеи иахь инаргеит: аибаркыгақәа, арамақәа, алабақәа, ашьаҟақәа, акылҳара змоу ашьаҭақәа; 34 ҟаԥшьыла ишәу аҭыӷь ацәа иалху ақәыршә, атиулен ацәа иалху ақәыршә, аиҩкаагатә ԥарда; 35 аиқәшаҳаҭра аковчег, уи алабақәеи ахҩеи; 36 астоли, уи иацу амаҭәарқәеи, Анцәа иҿаԥхьа иқәзар зыхәҭоу ачеи; 37 ахьы цқьа иалху алашарбагеи, еишьҭагыланы ицо уи акәаҷабқәеи, уи иацу амаҭәахәқәеи, алашарбагазы ахәшеи; 38 ахьы иалху акәырбаннагарҭа, иԥшьоу ахәша, афимиам, ақьала аҩналарҭазы аԥарда; 39 абҩа иалху акәырбаннагарҭа, уи иацу абҩа иалху аихац, уи алабақәа, иара убас уи иацу амаҭәахәқәа зегьы; ачан, иара убас уи зықәдыргыло; 40 ашҭазы ақәыршәқәа, уи ашьаҟақәа, акылҳара змоу ашьаҭақәа; ашҭа аҭаларҭазы аԥарда; аҿаҳәагақәа, аҵәқәа, иара убас иԥшьоу ақьалаҿы, аиқәшәара ақьалаҿы, рхы иадырхәо зегьы; 41 аԥшьаҭыԥ аҿы амаҵ ауразы иԥшӡаны ису амаҭәеи, аԥшьаҩы Ааро́н изы иԥшьоу амаҭәеи, иԥацәа рзы амаҭәеи, ԥшьаҩцәас амаҵ руларц азы.

42 Израильаа урҭ аусқәа зегь ҟарҵеит, Иегова Моисеи ишиеиҳәаҵәҟьаз еиԥш. 43 Моисеи аусқәа зегь ангәеиҭа, Иегова ишиҳәаз еиԥшҵәҟьа ишынарыгӡаз ибеит. Усҟан Моисеи урҭ дрықәныҳәеит.

40 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Актәи амзазы актәи амш аҽны иԥшьоу ақьала, аиқәшәара ақьала, ргыл. 3 Уа аиқәшаҳаҭра аковчег ҩнаргыл, аковчег аԥхьа аԥарда кнаҳ, аковчег хазы иҟазарц азы. 4 Астол ҩнагал, нас иаҭаху зегь ықәыргыл. Алашарбагагьы ҩнагаланы акәаҷабқәа аркы. 5 Аиқәшаҳаҭра аковчег аҿаԥхьа афимиам ахьырбылуа, ахьы иалху акәырбаннагарҭа ргыл, нас иԥшьоу ақьала аҩналарҭаҿы аԥарда кнаҳа.

6 Иԥшьоу ақьала, аиқәшәара ақьала, аҩналарҭа аҿаԥхьа акәырбанқәа ахьырбылуа акәырбаннагарҭа ргыл. 7 Аиқәшәара ақьалеи акәырбаннагарҭеи рыбжьара ачан ргыл, нас аӡы ҭаҭәа. 8 Иԥшьоу ақьала иаакәыршаны ашҭа хкаа, ашҭа аҭаларҭаҿгьы аԥарда кнаҳ. 9 Уи ашьҭахь иԥшьоу ахәша аашьҭыхны иԥшьоу ақьалеи, уа иҟоу зегьи ирыхьшьы, нас иԥшьа иԥшьоу ақьалеи, уи иатәу амаҭәарқәеи зегьы, иԥшьоу ак акәны иҟаларц азы. 10 Акәырбанқәа ахьырбылуа акәырбаннагарҭеи уи иацу амаҭәарқәеи зегьы иԥшьоу ахәша рыхьшьы, нас акәырбаннагарҭа ԥшьа, уи даараӡа иԥшьоу ак акәны иҟаларц азы. 11 Ирыхьшьы иԥшьоу ахәша ачани уи зықәдыргылои, нас иԥшьа.

12 Ааро́н иԥацәеи иареи аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы иааганы рҽырыӡәӡәарц раҳәа. 13 Ааро́н иԥшьоу амаҭәа ишәҵа, нас иԥшьоу ахәшала дыԥшьа, убасҟан иара ԥшьаҩыс сымаҵ иулоит. 14 Уи ашьҭахь иԥацәа ааганы иауу ахарԥқәа рышәҵа. 15 Раб иеиԥш даргьы иԥшьоу ахәшала иԥшьа, ԥшьаҩцәас сымаҵ руларц азы. Урҭ иԥшьоу ахәшала иахьырԥшьо ишьақәнарӷәӷәалоит абиԥарақәа зегь рҿы еснагь ԥшьаҩцәас ишыҟазаало».

16 Моисеи Иегова ишиеиҳәаз еиԥш зегь ҟаиҵеит. Убасҵәҟьа иагьыҟаиҵеит.

17 Аҩбатәи ашықәс актәи амзазы, амза актәи амш аҽны иԥшьоу ақьала ргылан. 18 Моисеи иԥшьоу ақьала аниргылоз, акылҳарақәа змаз ашьаҭақәа шьҭаҵаны арамақәа рықәиргылеит, арамақәа алабақәа ркылихит, ашьаҟақәагьы ықәиргылеит. 19 Иара иԥшьоу ақьала ақәыршә ақәиршәит, нас хыхь ацәа иалхыз ақәыршә ақәиҵеит, Иегова ишиеиҳәаз еиԥш.

20 Моисеи аԥҟарақәа зныз ахаҳә ҟьаԥсқәа* аашьҭыхны аковчег иҭеиҵеит, нас аковчег амацәазқәа алабақәа ркылихит, аковчег ахҩагьы хиҩеит. 21 Иара аковчег ааганы иԥшьоу ақьалаҿы иргылеит, нас аиқәшаҳаҭра аковчег хазы иҟазарц азы аиҩкаагатә ԥарда кнеиҳаит, Иегова ишиеиҳәаз еиԥш.

22 Анаҩс Моисеи иԥшьоу ақьала, аиқәшәара ақьала, аҩадатәи аган аҿы, аиҩкаагатә ԥарда аԥхьа астол иргылеит, 23 нас Иегова иҿаԥхьа ача ықәиҵеит, Иегова ишиеиҳәаз еиԥш.

24 Иԥшьоу ақьала, аиқәшәара ақьала, аладатәи аган аҿы, астол аҿаԥхьа Моисеи алашарбага иргылеит. 25 Иара Иегова ишиеиҳәаз еиԥш, Иегова иҿаԥхьа алашарбага аиркит.

26 Анаҩс Моисеи аиқәшәара ақьалаҿы, аиҩкаагатә ԥарда аԥхьа ахьы иалху акәырбаннагарҭа иргылеит, 27 Иегова ишиеиҳәаз еиԥш, уа афимиам рбылларц азы.

28 Иԥшьоу ақьала аҩналарҭаҿы аԥарда кнеиҳаит.

29 Иԥшьоу ақьала, аиқәшәара ақьала, аҩналарҭаҿы Моисеи акәырбанқәа ахьырбылуа акәырбаннагарҭа иргылеит, уа ирбылуа акәырбанқәеи кәырбанс инарго ачеи наргаларц азы, Иегова ишиеиҳәаз еиԥш.

30 Анаҩс аиқәшәара ақьалеи акәырбаннагарҭеи рыбжьара ачан иргылан, аӡы ҭеиҭәеит. 31 Моисеии Ааро́н иԥацәеи иареи уи аӡала рнапқәеи ршьапқәеи рыӡәӡәон. 32 Дара аиқәшәара ақьала иҩналаанӡа ма акәырбаннагарҭа ааигәара инеиаанӡа рҽырыӡәӡәон, Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш.

33 Аҵыхәтәаны иԥшьоу ақьалеи акәырбаннагарҭеи иаарыкәыршаны ашҭа ҟаиҵеит, ашҭа аҭаларҭаҿгьы аԥарда кнеиҳаит.

Убасала Моисеи аус зегь хиркәшеит. 34 Убасҟан аԥҭа аиқәшәара ақьала хнаҩан, Иегова ихьӡ-иԥша иԥшьоу ақьала ааҩннарҭәааит. 35 Моисеи аиқәшәара ақьала дзыҩналаӡомызт, избанзар ақьала аԥҭа ахагылан, Иегова ихьӡ-иԥшагьы иԥшьоу ақьала ҩннарҭәаауан.

36 Иԥшьоу ақьала аҟынтә аԥҭа анышьҭыҵлак, израильаа амҩа иқәлон. Ацәҳәыра иахьынӡақәыз дара убас ҟарҵон. 37 Аԥҭа шьҭымҵыр, амҩа иқәлаӡомызт уи шьҭыҵаанӡа. 38 Израильаа ацәҳәыра иахьынӡықәыз, иԥшьоу ақьала аханы ҽынла Иегова иԥҭа рбон, уахынла — амца.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иԥҳа».

Ма «асфальт». Асфальт еиқәаҵәоуп, адгьыл иҵыҵуеит.

Иаанагоит «иҭыргаз», даҽакала иуҳәозар, аӡы иамырхыз.

Ма «даныӷәӷәаха».

Ма «дрыдгылеит».

Иофо́р.

Иаанагоит «уи аҭыԥ аҿы итәымуаҩу».

Ма «шәимҵахырхәалоит».

Шәахәаԥш Ацҵа А4.

Мамзаргьы иҟалап «хымш рыла ҳахьнеиуа».

Ма «Анцәа ихаҭарнакс».

Мамзаргьы иҟалап «хымш рыла ҳахьнеиуа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Нцәас уҟасҵеит».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «сыруаа».

Нил аӡышьҭрақәа.

Амажәа зныркәаҳалоз асаарақәа.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «инацәкьыс ала».

Мамзаргьы иҟалап «хымш рыла ҳахьнеиуа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «афараон игәы».

Анышәаԥшьи акьыри ирылхыз амаҭәарқәеи ақьырмыти ахьырӡуаз.

Иҟалап ара зыӡбахә ҳәоу амацәыс акәзар.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «снапқәа Иегова иахь исырхоит».

Моисеи.

Ма «ҳгарц азин ҳауҭоит».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амзақәа рылагамҭа».

Цқьа имӡӡакәа.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шәыруаа».

Асарақәа ма аӡарақәа.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шьапыла ицоз ахацәа», даҽакала иуҳәозар, аибашьра зылшоз ахацәа.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ируаа».

Ма «исзалхла».

Шәахәаԥш Ацҵа Б15.

Ҵхыбжьон асааҭ 2 раҟара инаркны ашьыжь асааҭ 6 раҟара аҟынӡа.

Ма «рбарбалқәа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «инапы».

Иах — ахьӡ Иегова икьаҿу аформа ауп.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахшараиура иацу ахьаақәа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «еиҭоуҳауеит».

Иаанагоит «иашо́у».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ҩ-хәылбыҽхак рыбжьара».

Агомо́р 2,2 л иҟан.

Ма «асабша азгәаҳҭоит».

Ма «рыԥсы ршьо».

Иҟалап «Ари закәи?» ҳәа еиҭарго ауриатә ажәа иахылҿиаазар.

Ма «акәландыр».

Иҟалап акрызҵазкуаз адокументқәа зҭарҵоз аиашьык акәызҭгьы.

Е́фак 22 л иҟан.

Иаанагоит «аԥышәара; агәаҭара».

Иаанагоит «аҭыӡшәа».

Иаанагоит «уи аҭыԥ аҿы итәымуаҩу».

Иаанагоит «Сынцәа сыцхырааҩ иоуп».

Ауриатә текст аҿы иара убас «убри аҽныҵәҟьа» ҳәа ануп.

Ма «зыхә ҳараку».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аԥшьаҩцәа раҳраны».

Мамзаргьы иҟалап «аԥсала».

Анышәаԥшьи акьыри ирылхыз амаҭәарқәеи ақьырмыти ахьырӡуаз.

Мамзаргьы иҟалап «мыругак ала».

Ма «ԥхасҭа ӷәӷәак ҟамлар».

Ма «аԥсы иахшәаатәуп аԥсы».

342 г. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ма «ачаԥшьи».

Ажәытәан аӡәы уалла ак анигоз, иуал ирхынҳәаанӡа амаҭәа ма даҽакы имырхуан.

Ма «ихьӡ лашәмырҟәлан».

Ма «анапхгаҩы».

Ма «имцу ахарадҵарақәа шәрыдымгылалан».

Шәахәаԥш Ацҵа Б15.

Мамзаргьы иҟалап «агәыҭҟьа иасыргоит; ашәара рызцәырызгоит».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шықәсык ала».

Евфрат.

Ма «алакациа».

Шәахәаԥш Ажәар.

Шәахәаԥш Ажәар, насгьы Ацҵа Б5.

Аԥшьаҩ хада игәышԥы иадҿаҳәалаз аџьыба.

Ма «аиашьык; ашәындыҟәра».

Аковчег 111 × 67 × 67 см раҟара иҟан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ашаҳаҭра».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ашаҳаҭра».

Астол 89 × 45 × 67 см раҟара иҟан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Напсыргәыҵак 7,4 см иҟоуп.

Талантк 34,2 кг иҟан.

Ақәыршә 12,5 × 1,8 м раҟара иҟан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ақәыршә 13 × 1,8 м раҟара иҟан.

Мышьхәылҵк 44,5 см иҟоуп.

Ма «алакациа».

Арама 4,5 × 0,7 м раҟара иҟан.

Иԥшьоу аҭыԥ аҿы.

Ма «алакациа».

Акәырбаннагарҭа 2,2 × 2,2 × 1,3 м раҟара иҟан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ма «ашша иаганы иҟоу ахәа», кәырбанс инаргоз аԥстәқәа рышша злачны иҟаз ахәа.

Ахәаҭгагақәа.

44,5 м. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ма «амацәазқәа; аиқәҳәаларҭақәа».

22,3 м раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

6,7 м раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

8,9 м раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

2,2 м раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ашаҳаҭра».

Аԥшьаҩ хада игәышԥы иадҿаҳәалаз аџьыба.

Уи аклетка асахьа анылартә еиԥш исны иҟарҵон.

Ма «Израиль иԥацәа рзы гәаларшәагас иҟазарц азы».

Ҽыҭк 22,2 см раҟара иҟоуп.

Идырым ахаҳә; иҟалап аиантар, агиацинт, аопал ма атурмалин акәзар.

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Аурими атуммими».

Ма «апластина».

Уи аклетка асахьа анылартә еиԥш исны иҟарҵон.

Ма «ҵаҟатәи амаҭәа».

Аԥшьаҩ хада игәышԥы иадҿаҳәалаз аџьыба.

Ма «Ааро́н Анцәа дышизку узырбо адырга; иԥшьоу адиадема».

Ауаҩы ҭакԥхықәрак аниоуаз ихьыршьуаз ахәша.

Ма «игәы зырԥсаҳәо». Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «игәы зырҭынчуа».

Ааро́н ишьҭра иатәым.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «акәырбаннагарҭа иалакьысуа зегьы».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ҩ-хәылбыҽхак рыбжьара».

0,9 л раҟара.

2,2 л. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ма «алакациа».

Акәырбаннагарҭа 44,5 × 44,5 × 89 см иҟан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ҩ-хәылбыҽхак рыбжьара».

Ма «аԥшьаҭыԥ иатәу ше́кельла».

5,7 г. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ге́рак 0,57 г иҟан.

5,7 кг. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

2,9 кг раҟара.

Шәахәаԥш Ажәар.

Гинк 3,67 л иҟан.

Ааро́н ишьҭра иатәым.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ашаҳаҭра».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «инацәкьыс ала».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аиқәшаҳаҭра ахаҳәқәа».

Ма «ирҭәоу аҳәыс».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «зыхәдаџьал кьакьоу».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «зыхәдаџьал кьакьоу».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «сыбзиара».

Ма «згәы ҭбаау».

Ма «гәыбылрала иҭәу бзиабарала».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «зыхәдаџьал кьакьоу».

Ма «аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара узцәырызго».

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Иԥшьоу ашьаҟа».

Шәахәаԥш Ацҵа Б15.

Ма «асабша азгәашәҭала».

Ақьалақәа рныҳәа еиԥшгьы еицырдыруеит.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «10 ажәак».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ашаҳаҭра хаҳәқәа».

Ма «алакациа».

Шәахәаԥш Ажәар.

Аԥшьаҩ хада игәышԥы иадҿаҳәалаз аџьыба.

Ма «ирҟьо кәырбанҵас».

Иҟалап Бецале́л иакәзар.

Ақәыршә 12,5 × 1,8 м раҟара иҟан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ақәыршә 13,4 × 1,8 м раҟара иҟан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Арама 4,5 × 0,7 м раҟара иҟан. Шәахәаԥш Ажәар, Ацҵа Б14.

Ма «амацәазқәа; аиқәҳәаларҭақәа».

Ма «алакациа».

Аковчег 111 × 67 × 67 см раҟара иҟан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Астол 89 × 45 × 67 см раҟара иҟан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Напсыргәыҵак 7,4 см иҟоуп.

Талантк 34,2 кг иҟан.

Акәырбаннагарҭа 45 × 45 × 89 см раҟара иҟан.

Ма «алакациа».

Акәырбаннагарҭа 2,2 × 2,2 × 1,3 м раҟара иҟан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ахәаҭгагақәа.

Ажәытәан асаркьақәа еиуеиԥшым аметаллқәа ирылхны иҟарҵон.

44,5 м. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ма «амацәазқәеи; аиқәҳәаларҭақәеи».

22,3 м раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

6,7 м раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Аԥарда 8,9 × 2,2 м раҟара иҟан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ашаҳаҭра».

992 кг раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

8,3 кг раҟара.

Ма «аԥшьаҭыԥ иатәу аше́кельқәа».

3,4 т раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

20,2 кг раҟара.

5,7 г. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ма «ирҟьо кәырбанс».

2,4 т раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

27,4 кг раҟара.

Ма «Израиль иԥацәа рзы гәаларшәагас иҟазарц азы».

Ҽыҭк 22,2 см раҟара иҟоуп.

Идырым ахаҳә; иҟалап аиантар, агиацинт, аопал ма атурмалин акәзар.

Ма «ҵаҟатәи амаҭәа».

Ма «апластина».

Ма «Ааро́н Анцәа дышизку узырбо адырга; иԥшьоу адиадема».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ашаҳаҭра».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра