Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • nwt Алевит 1:1—27:34
  • Алевит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Алевит
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Алевит

АЛЕВИТ

1 Иегова Моисеи дааиԥхьан, аиқәшәара ақьала аҟынтә ус иеиҳәеит: 2 «Израильаа абас раҳә: „Аӡәы Иегова кәырбанс аԥстәы изнеигар иҭаххар, уи ашьамаҟа аҟынтә ма аԥсаса аҟынтә инеигароуп.

3 Ирбылуа акәырбан ашьамаҟа аҟынтә инеигар иҭахызар, уи гра змам ацә акәзароуп. Иара ихаҭа уи наганы Иегова иҿаԥхьа аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы иргылароуп. 4 Иара инапы ирбылуа кәырбанҵас инеиго аԥстәы ахы иақәиҵароуп, усҟан Анцәа уи идикылоит, игәнаҳақәагьы ианаижьуеит.

5 Анаҩс уи ацәҵыс Иегова иҿаԥхьа иршьуеит. Аԥшьаҩцәа, Ааро́н иԥацәа, уи ашьа аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы игылоу акәырбаннагарҭа аганқәа зегьы ирықәырԥҟҟаны Анцәа изнаргоит. 6 Ирбылуа кәырбанҵас инарго ацә ацәа ахыхны, хәҭа-хәҭала еиҩыршоит. 7 Аԥшьаҩцәа, Ааро́н иԥацәа, акәырбаннагарҭа ижжаӡа иаку акәицқәа ақәырҵоит, хыхь амҿы ақәырҵоит. 8 Нас дара акәырбаннагарҭа иақәу амҿы иршьыз ацә ахәҭақәеи, ахи, ашшеи* ақәырҵоит. 9 Арҳәарахи ашьапқәеи ӡыла ирыӡәӡәоит, нас аԥшьаҩы урҭ зегьы Иегова игәы иахәо* афҩы зхылҵуа амца иақәҵаны ирбылуа кәырбанҵас акәырбаннагарҭаҿы ибылуеит.

10 Ирбылуа акәырбан аԥсаса аҟынтә инеигар иҭахызар, иаҳҳәап, аҭыӷь ҿа ма абаӷь ҿа, уи агра амамзароуп. 11 Уи Иегова иҿаԥхьа акәырбаннагарҭа аҩадахьала иршьуеит, нас аԥшьаҩцәа, Ааро́н иԥацәа, уи ашьа акәырбаннагарҭа аганқәа зегьы ирықәдырԥҟҟоит. 12 Аԥстәы хәҭа-хәҭала еиҩыршоит, нас аԥшьаҩы урҭ ахәҭақәеи, ахи, ашшеи акәырбаннагарҭаҿы абылра иаҿу амҿы иақәиҵоит. 13 Арҳәарахи ашьапқәеи ӡыла ирыӡәӡәоит, нас аԥшьаҩы уи зегьы Анцәа изнеигоит, акәырбаннагарҭаҿгьы ибылуеит. Ари амца иақәҵаны ирбылуа, Иегова игәы иахәо афҩы зхылҵуа кәырбануп.

14 Ирбылуа кәырбанс Иегова изнеиго аԥсаатә акәзар, уи аҟәараса ма аҳәыҳә ҿа акәзароуп. 15 Аԥшьаҩы уи акәырбаннагарҭахь инаганы ахәда амижәоит, нас акәырбаннагарҭаҿы ибылуеит, иалҵуа ашьа акәырбаннагарҭа аган иақәҭәароуп. 16 Иара уи ачыҟә амихуеит, иагьхәылихуеит, иамихыз ачыҟәи ахәи акәырбаннагарҭа авараҿы мрагыларатәи аган ала икаижьуеит, ахәа* ахькарыԥсо аҭыԥ аҿы. 17 Иара уи амҵәыжәҩақәа рыбжьара еимижәоит, аха ҩ-хәҭакны еиҩишаӡом. Анаҩс аԥшьаҩы уи акәырбаннагарҭаҿы ибылуеит. Ари амца иақәҵаны ирбылуа, Иегова игәы иахәо афҩы зхылҵуа кәырбануп.

2 Аӡәы кәырбанс Иегова ача изнеигар иҭаххар, инеиго игәӡаны илагоу ачашыла акәзароуп. Иара ачашыла ахәша ақәҭәаны аладан ақәиҵааит. 2 Иара уи аԥшьаҩцәа, Ааро́н иԥацәа, ирызнеигоит. Аԥшьаҩы акәырбан зегьы аазырԥшуа хәҭак еиԥш ахәша злаҭәоу уаԥсҵәык ачашылеи аладан зегьи аашьҭыхны акәырбаннагарҭаҿы ибылуеит. Ари амца иақәҵаны ирбылуа, Иегова игәы иахәо* афҩы зхылҵуа кәырбануп. 3 Кәырбанс инарго ача аҟынтә иаанхо Ааро́н иԥацәеи иареи иртәуп. Уи Иегова изнарго амца иақәҵаны ирбылуа акәырбан аҟынтә даараӡа иԥшьоу хәҭоуп.

4 Аӡәы кәырбанс аԥечкаҿы иӡу ача неигар иҭаххар, уи игәӡаны илагоу ачашыла иалхзароуп. Инеиго ахәша аҭаны иҟаҵоу арҵәыга злам ачарҳәқәа ма ахәша зыхьшьу арҵәыга злам амгьал ҟьаԥсқәа ракәзароуп.

5 Кәырбанс инарго ача аԥлакь аҿы иӡызар, уи арҵәыга амамзароуп, игәӡаны илагоу ахәша злаҭәоу ачашыла иалхзароуп. 6 Уи ԥыҽҽны ахәша ақәҭәатәуп. Ари кәырбанс инарго чоуп.

7 Кәырбанс инарго ача адырган аҿы иӡызар, уи игәӡаны илагоу ахәша змоу ачашыла иалхзароуп. 8 Иегова кәырбанс изнажәго ача аԥшьаҩы ишәҭ, иара уи акәырбаннагарҭахь инеигоит. 9 Аԥшьаҩы кәырбанс инагаз ача аҟынтә хәҭак аашьҭыхны, акәырбаннагарҭаҿы ибылуеит. Уи ахәҭа кәырбанс инагаз ача зегь аанарԥшуеит. Ари амца иақәҵаны ирбылуа, Иегова игәы иахәо афҩы зхылҵуа кәырбануп. 10 Кәырбанс инарго ача аҟынтә иаанхо Ааро́н иԥацәеи иареи иртәуп. Уи Иегова изнарго амца иақәҵаны ирбылуа акәырбан аҟынтә даараӡа иԥшьоу хәҭоуп.

11 Иегова кәырбанс изнажәго ача арҵәыга аламзароуп, избанзар арҵәыгеи ацхеи ирбылуа кәырбанҵас Иегова изнажәгар ҟалаӡом.

12 Урҭ кәырбанс инарго раԥхьатәи аҽаҩреиԥш Иегова изнажәгар ҟалоит, аха Анцәа игәы иахәо афҩы зхылҵуа кәырбанҵас ижәблыр ҟалаӡом.

13 Кәырбанс инажәго ача ахкқәа зегьы ҵаазароуп. Кәырбанс инажәго ача аџьыкхыш амамкәа анагара ҟалаӡом, избанзар аџьыкхыш Шәынцәеи шәареи аиқәшаҳаҭра шшәыбжьоу шәгәаланаршәоит. Кәырбанс инажәгозаалак, аџьыкхыш ацҵаны инажәгароуп.

14 Аӡәы раԥхьатәи аҽаҩра аҟынтә Иегова кәырбанс ача изнеигар иҭаххар, уи ҿыц иҭаргалаз аҽаҩра аҟынтә арыц акәзароуп. Уи ҟәаҟәаны, амцаҿы иӡны инеигароуп. Ари раԥхьатәи аҽаҩра аҟынтә кәырбанс инарго ачоуп. 15 Уи ахәша ақәҭәаны аладан ақәышәҵа. Ари кәырбанс инарго чоуп. 16 Аԥшьаҩы акәырбан зегьы аазырԥшуа хәҭак еиԥш иҟәаҟәаны иҟоу арыци ахәшеи рыхәҭак, иара убас аладан зегьы аашьҭыхны, Иегова изнарго амца иақәҵаны ирбылуа кәырбанҵас ибылуеит.

3 Аӡәы аҭынчратә кәырбан ашьамаҟа аҟынтә инеигар иҭаххар, ацә ма ажә, Иегова иҿаԥхьа гра змам аԥстәы иргылароуп. 2 Иара инапы аԥстәы ахы иақәиҵароуп, нас уи аиқәшәара ақьала аҩналарҭа аҿаԥхьа иршьыроуп. Анаҩс аԥшьаҩцәа, Ааро́н иԥацәа, уи ашьа акәырбаннагарҭа аганқәа зегьы ирықәдырԥҟҟароуп. 3 Аҭынчратә кәырбан ахәҭак иара амцаҿы ирбылуа кәырбанҵас Иегова изнеигоит: аҩныҵҟа иамоу ашша, аҩныҵҟатәи ахәҭақәа ирықәу ашша зегьы, 4 аҩҷаҷаки ауаҭәақәа рааигәара урҭ ирықәу ашшеи. Аҷаҷақәа анамихуа, агәаҵәа иамоу ашшагьы амихуеит. 5 Ааро́н иԥацәа ари зегьы амҿы иақәу ирбылуа акәырбан иақәҵаны акәырбаннагарҭаҿы ирбылуеит. Ари амца иақәҵаны ирбылуа, Иегова игәы иахәо* афҩы зхылҵуа кәырбануп.

6 Аӡәы аҭынчратә кәырбан аԥсаса аҟынтә Иегова изнеигар иҭаххар, аҷкәын ма аӡӷаб, уи грак амамзароуп. 7 Кәырбанс инеиго аҭыӷь ҿа акәзар, уи Иегова иҿаԥхьа иргылароуп. 8 Иара инапы аҭыӷь ахы иақәиҵароуп, нас уи аиқәшәара ақьала аҿаԥхьа иршьыроуп. Анаҩс Ааро́н иԥацәа уи ашьа акәырбаннагарҭа аганқәа зегьы ирықәдырԥҟҟароуп. 9 Аҭынчратә кәырбан ашша иара амцаҿы ирбылуа кәырбанҵас Иегова изнеигоит. Иара абӷашшаранӡа акьаԥа зегь амихуеит, иара убас иамихуеит аҩныҵҟа иамоу ашша, аҩныҵҟатәи ахәҭақәа ирықәу ашша зегьы, 10 аҩҷаҷаки ауаҭәақәа рааигәара урҭ ирықәу ашшеи. Аҷаҷақәа анамихуа, агәаҵәа иамоу ашшагьы амихуеит. 11 Аԥшьаҩы уи зегьы акәырбаннагарҭаҿы ибылуеит. Уи фатәуп*, амца иақәҵаны ирбылуа Иегова ирҭо кәырбануп.

12 Кәырбанс инеиго абаӷь акәзар, уи Иегова иҿаԥхьа иргылароуп. 13 Иара инапы абаӷь ахы иақәиҵароуп, нас уи аиқәшәара ақьала аҿаԥхьа иршьыроуп. Анаҩс Ааро́н иԥацәа уи ашьа акәырбаннагарҭа аганқәа зегьы ирықәдырԥҟҟароуп. 14 Абар иара амцаҿы ирбылуа кәырбанҵас Иегова изнеиго: аҩныҵҟа иамоу ашша, аҩныҵҟатәи ахәҭақәа ирықәу ашша зегьы, 15 аҩҷаҷаки ауаҭәақәа рааигәара урҭ ирықәу ашшеи. Аҷаҷақәа анамихуа, агәаҵәа иамоу ашшагьы амихуеит. 16 Аԥшьаҩы уи зегьы акәырбаннагарҭаҿы ибылуеит. Уи фатәуп, амца иақәҵаны ирбылуа Анцәа игәы иахәо афҩы зхылҵуа кәырбануп. Ашша зегьы Иегова итәуп.

17 Ишәымфалан ашшеи ашьеи. Ари ишәхылҵуа абиԥарақәеи шәареи шәахьынхозаалакгьы шәзықәныҟәалаша ԥсахра зқәым ԥҟароуп“».

4 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Израильаа абас раҳә: „Абар иҟаҵатәу, аӡәы игәы иҭаӡамкәа, Иегова ицәымӷу ак ҟаҵаны агәнаҳа ҟаиҵар.

3 Иалху аԥшьаҩы* агәнаҳа ҟаиҵар, насгьы имшала ажәлар ахара рыдлар, иара гра змам ацәҵыс агәнаҳазы кәырбанс Иегова изнеигароуп. 4 Иара ацә аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы Иегова иҿаԥхьа иргылароуп, инапы ацә ахы иақәиҵароуп, нас уи Иегова иҿаԥхьа ишьыроуп. 5 Иалху аԥшьаҩы* ацә ашьа аиқәшәара ақьала иҩнеигалароуп. 6 Иара инацәкьыс ашьа иӡаашьны, Иегова иҿаԥхьа, аԥшьаҭыԥ аҿы икнаҳау аиҩкаагатә ԥарда аҿаԥхьа, бжьынтә иҟьоит. 7 Ацә ашьа ахәҭак аԥшьаҩы аиқәшәара ақьалаҿы Иегова иҿаԥхьа игылоу афимиам ахьырбылуа акәырбаннагарҭа атәыҩақәа ирхьишьуеит, иаанхо ашьа аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы игылоу ирбылуа акәырбанқәа ахьнарго акәырбаннагарҭа ашьапахьы икеиҭәоит.

8 Иара игәнаҳазы кәырбанс инеигаз ацә ашша зегь амихуеит, аҩныҵҟа иамоу ашшеи аҩныҵҟатәи ахәҭақәа ирықәу ашшеи уахь иналаҵаны, 9 иара убас иамихуеит аҩҷаҷаки ауаҭәақәа рааигәара урҭ ирықәу ашшеи. Аҷаҷақәа анамихуа, агәаҵәа иамоу ашшагьы амихуеит. 10 Аҭынчратә кәырбанҵас инарго ацә иамырхуа ауп ари ацәгьы иамхтәу. Аԥшьаҩы уи зегьы ирбылуа акәырбанқәа ахьнарго акәырбаннагарҭаҿы ибылуеит.

11 Егьи зегьы — ацәеи, акәаци, ахи, ашьапқәеи, арҳәарахи, ауаци — 12 алагер анҭыҵ ахәа* ахькарыԥсо ицқьоу аҭыԥ ахь иганы, амҿы иақәҵаны ибылуеит. Уи зегьы ахәа ахькарыԥсо аҭыԥ аҿы ибылтәуп.

13 Израильтәи ажәлар зегьы ргәы иҭаӡамкәа агәнаҳа ахьыҟарҵаз азы ахара рыдлар, аизара иалахәугьы* Иегова иԥҟарақәа руак шеилагаз рзымдыруазар, 14 аха нас агәнаҳа шыҟаҵаз еилкаахар, аизара иалахәу агәнаҳазы кәырбанс аиқәшәара ақьалахь ацәҵыс наргароуп. 15 Ажәлар реиҳабацәа Иегова иҿаԥхьа уи ацә ахы рнапқәа ақәырҵароуп, нас Иегова иҿаԥхьа уи ацә ршьыроуп.

16 Анаҩс иалху аԥшьаҩы* ацә ашьа ахәҭак аиқәшәара ақьала иҩнеигалароуп. 17 Аԥшьаҩы инацәкьыс ашьа иӡаашьны, Иегова иҿаԥхьа, аиҩкаагатә ԥарда аҿаԥхьа, бжьынтә иҟьоит. 18 Ашьа ахәҭак иара аиқәшәара ақьалаҿы Иегова иҿаԥхьа игылоу акәырбаннагарҭа атәыҩақәа ирхьишьуеит, иаанхо ашьа аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы игылоу ирбылуа акәырбанқәа ахьнарго акәырбаннагарҭа ашьапахьы икеиҭәоит. 19 Иара ацә иақәу ашша зегь амхны акәырбаннагарҭаҿы ибылуеит. 20 Иара ари ацә игәнаҳазы кәырбанс инеигаз ацә иазиуз азиуеит. Убасала ажәлар рыгәнаҳақәа рхихуеит, ажәларгьы рыгәнаҳақәа ранажьхоит. 21 Иара ацә алагер анҭыҵ иганы ибылуеит, актәи ацә шиблыз еиԥш. Ари ажәлар зегь рыгәнаҳазы инагатәу кәырбануп.

22 Ажәлар реиҳабы игәы иҭаӡамкәа, Инцәа Иегова ицәымӷу ак ҟаҵаны агәнаҳа ҟаиҵар, ахарагьы идлар, 23 мамзаргьы аԥҟарақәа руак еилаганы агәнаҳа шыҟаиҵаз еиликаар, кәырбанс гра змам абаӷь ҿа неигароуп. 24 Иара инапы абаӷь ахы иақәиҵароуп, нас ирбылуа кәырбанс инарго аԥстәқәа Иегова иҿаԥхьа иахьыршьуа аҭыԥ аҿы ишьыроуп. Ари агәнаҳазы инагатәу кәырбануп. 25 Аԥшьаҩы инацәкьыс агәнаҳазы кәырбанс инагаз ашьтәа ашьа иӡаашьны, ирбылуа акәырбанқәа ахьырбылуа акәырбаннагарҭа атәыҩақәа ирхьишьуеит, иаанхо ашьа акәырбаннагарҭа ашьапахьы икеиҭәоит. 26 Иара акәырбаннагарҭаҿы ашша зегь ибылуеит, аҭынчратә кәырбан ашша зегь шырбылуа еиԥш. Убасала аԥшьаҩы ажәлар реиҳабы игәнаҳа ихихуеит, иаргьы игәнаҳа ианажьхоит.

27 Ажәлар рҟынтә аӡәы игәы иҭаӡамкәа, Иегова ицәымӷу ак ҟаҵаны агәнаҳа ҟаиҵар, ахарагьы идлар, 28 мамзаргьы агәнаҳа шыҟаиҵаз еиликаар, иҟаиҵаз агәнаҳазы кәырбанс гра змам аџьма ҿа неигароуп. 29 Иара инапы аџьма ахы иақәиҵароуп, нас ирбылуа кәырбанс инарго ашьтәақәа ахьыршьуа аҭыԥ аҿы ишьыроуп. 30 Аԥшьаҩы инацәкьыс ашьа иӡаашьны, ирбылуа акәырбанқәа ахьырбылуа акәырбаннагарҭа атәыҩақәа ирхьишьуеит, иаанхо ашьа акәырбаннагарҭа ашьапахьы икеиҭәоит. 31 Иара ашьтәа ашша зегь амихуеит, аҭынчратә кәырбан ашша зегь шамырхуа еиԥш. Аԥшьаҩы уи ашша Иегова игәы иахәо* афҩы зхылҵуа акәырбан еиԥш акәырбаннагарҭаҿы ибылуеит. Аԥшьаҩы агәнаҳа ҟазҵаз игәнаҳа ихихуеит, ауаҩгьы игәнаҳа ианажьхоит.

32 Ауаҩы игәнаҳазы кәырбанс инеиго асыс акәзар, уи ҿшазароуп, аграгьы амамзароуп. 33 Иара инапы ашьтәа ахы иақәиҵароуп, нас ирбылуа кәырбанс инарго ашьтәа ахьыршьуа аҭыԥ аҿы агәнаҳазы кәырбанҵас ишьыроуп. 34 Аԥшьаҩы инацәкьыс агәнаҳазы кәырбанс инагаз ашьтәа ашьа иӡаашьны, ирбылуа акәырбанқәа ахьырбылуа акәырбаннагарҭа атәыҩақәа ирхьишьуеит, иаанхо ашьа акәырбаннагарҭа ашьапахьы икеиҭәоит. 35 Иара ашьтәа ашша зегь амихуеит, аҭынчратә кәырбанс инарго аҭыӷь ҿа ашша шамырхуа еиԥш. Аԥшьаҩы уи ашша Иегова изы ирбылуа акәырбанқәа ирықәҵаны акәырбаннагарҭаҿы ибылуеит. Аԥшьаҩы агәнаҳа ҟазҵаз игәнаҳа ихихуеит, ауаҩгьы игәнаҳа ианажьхоит.

5 Аӡәы цәгьоурак шыҟалаз ибазар, ма уи иазкны акы идыруазар, ашаҳаҭцәа ишрыԥхьаз аниаҳа*, дцаны иибаз ма иаҳаз имҳәар, ахара идлоит, игәнаҳазгьы аҭак ҟаиҵароуп.

2 Аӡәы ицқьам акы далакьысыр, иԥсыз ицқьам агыгшәыг акәзаргьы, иԥсыз ицқьам аҩнатә ԥстәы акәзаргьы, ма иԥсыз ицқьам иссоу шамҭак* акәзаргьы, уи изымдырӡакәа далакьысзаргьы, дыцқьаӡам, ахара идуп, 3 мамзаргьы ауаҩы илҵуа ицқьам акы далакьысзар, — дыцқьамкәа дҟазҵо изакәызаалак ицқьам акы, уи иаразнак изымдырзаргьы, ахара идуп.

4 Аӡәы дымхәыцӡакәа ак ҟасҵоит ҳәа дқәызар, — абзиара акәзаргьы, ацәгьара акәзаргьы — дымхәыцӡакәа дышқәыз иаразнак изеилымкааргьы, ахара идуп*.

5 Ауаҩы абарҭ агәнаҳақәа руак азы ахара идлар, гәнаҳас иҟаиҵаз аартны иҳәароуп, 6 иҟаиҵаз агәнаҳазгьы Иегова ахаразы акәырбан изнеигароуп. Игәнаҳазы кәырбанс ауаса ҿа ма аџьма ҿа неигааит, аԥшьаҩгьы уи игәнаҳа ихихуеит.

7 Ауаса анагара алшара имамзар, иду ахаразы кәырбанс Иегова ҩ-ҟәарасак ма ҩ-ҳәыҳә ҿак изнеигааит: руак агәнаҳазы кәырбанс, егьи ирбылуа кәырбанс. 8 Иара урҭ аԥшьаҩы изнеигароуп. Аԥшьаҩы аҵарақәа руак агәнаҳазы кәырбанс игоит, ахәдагьы амижәоит, аха ахы уа ишамоу иаанижьуеит. 9 Иара аҵыс ашьа акәырбаннагарҭа аган иақәирԥҟҟоит, иаанхо ашьа акәырбаннагарҭа ашьапахьы икаҭәааит. Ари агәнаҳазы инагатәу кәырбануп. 10 Егьи аҵыс ирбылуа кәырбанс инеигоит, азакәан иану аԥҟарақәа инарықәыршәаны. Аԥшьаҩы уи игәнаҳа ихихуеит, ауаҩгьы игәнаҳа ианажьхоит.

11 Ҩ-ҟәарасак ма ҩ-ҳәыҳә ҿак рнагара алшара имамзар, иҟаиҵаз агәнаҳазы игәӡаны илагоу ачашыла ае́фа ажәабатәи ахәҭа* кәырбанс инеигааит. Иара уи ахәша алаимҭәароуп, аладангьы ақәимҵароуп, избанзар ари агәнаҳазы инарго кәырбануп. 12 Иара уи аԥшьаҩы изнеигааит. Аԥшьаҩы акәырбан зегьы аазырԥшуа хәҭак еиԥш уаԥсҵәык азна ачашыла аашьҭыхны, Иегова изнарго ирбылуа акәырбанқәа ирықәҵаны акәырбаннагарҭаҿы ибылуеит. Ари агәнаҳазы инагатәу кәырбануп. 13 Аԥшьаҩы уи игәнаҳа ихихуеит (хыхь еиқәыԥхьаӡаз агәнаҳақәа рҟынтә иарбанзаалакгьы), ауаҩгьы игәнаҳа ианажьхоит. Акәырбан аҟынтә иаанхо кәырбанс инарго ачеиԥш аԥшьаҩы итәызаауеит“».

14 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 15 «Аӡәы игәы иҭаӡамкәа, Иегова изыркыз акы аганахь ала агәнаҳа ҟаиҵар, убри алагьы Анцәа дизиашаны даанымхар, иду ахаразы Иегова акәырбан изнеигароуп. Иара ахә зқәырҵаз, гра змам аҭыӷь неигоит; араӡнытә ше́кельқәа* рыла иақәу уи ахә иԥшьоу аше́кельқәа* рыла иԥхьаӡахоит. 16 Иара аԥшьаҭыԥ аҿаԥхьа иҟаиҵаз агәнаҳа ахә ахишәаароуп, уи ахә ахәбатәи ахәҭагьы ациҵароуп. Иара уи зегь наганы аԥшьаҩы ииҭароуп, аԥшьаҩы ахаразы кәырбанс аҭыӷь наганы уи игәнаҳа ихихырц азы, иаргьы игәнаҳа ианажьхоит.

17 Аӡәы Иегова ицәымӷу ак ҟаҵаны агәнаҳа ҟаиҵар, уи изымдырӡакәа иҟаиҵазаргьы, ахара идуп, игәнаҳазгьы аҭак ҟаиҵароуп. 18 Иду ахаразы кәырбанс ахә зқәырҵаз, гра змам аҭыӷь аԥшьаҩы изнеигароуп. Аԥшьаҩы уи игәнаҳа ихихуеит, игәы иҭаӡамкәа, изымдырӡакәа иҟаиҵаз агәнаҳагьы ианажьхоит. 19 Ари ахаразы инарго кәырбануп. Иара Иегова иҿаԥхьа ахара идуп».

6 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Аӡәы агәнаҳа ҟаиҵар, уи алагьы Иегова дизиашаны даанымхар, — инапы ианҵаз ма иҵәахырц азы ирҭаз аказы изааигәоу дижьар, ма ак иӷьычыр, ма изааигәоу джьаны ак имихыр, 3 ма аӡәы ицәыӡыз ак иԥшаар, ишиԥшаазгьы мап ацәикыр, — аха агәнаҳа ҟасымҵаӡеит ҳәа дқәыр, абар иҟаҵатәу. 4 Агәнаҳа ҟаиҵазар, ахарагьы идлазар, ирхынҳәааит ииӷьычыз, аӡәы мчыла ма джьаны имихыз, инапы ианырҵаз, ииԥшааз, 5 ма мыцла дықәны иигаз акы. Иҟаиҵаз аԥхасҭа иақәнагоу ахә ахишәааит, уи иақәу ахә ахәбатәи ахәҭагьы ациҵааит. Ахара шиду анышьақәырӷәӷәахо аҽны уи зегьы изтәу ииҭааит. 6 Нас иду ахаразы ахә зқәырҵаз, гра змам аҭыӷь Иегова кәырбанс изнеигааит. Уи аҭыӷь иду ахаразы кәырбанҵас аԥшьаҩы ииҭааит. 7 Аԥшьаҩы Иегова иҿаԥхьа уи игәнаҳа ихихуеит, иаргьы иҟаиҵаз зегь ианажьхоит».

8 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 9 «Ааро́н иԥацәеи иареи абри аҩыза адҵа рыҭ: „Абар ирбылуа акәырбан иазку азакәан. Ирбылуа акәырбан акәырбаннагарҭаҿы еиқәу амца шьыжьымҭанынӡа иақәзароуп, акәырбаннагарҭаҿы амца еснагь еиқәызароуп. 10 Аԥшьаҩы ақәны иалху иҷыдоу амаҭәа ишәиҵааит, ақәны иалху аиқәа кьаҿгьы* ишьеиҵааит. Уи ашьҭахь ирбылуа акәырбан аҟынтә акәырбаннагарҭаҿы иаанхаз ахәа* ааизганы, акәырбаннагарҭа авараҿы ишьҭеиҵааит. 11 Анаҩс ақәны иалху амаҭәа ишәыхны, даҽа маҭәак ишәиҵааит, нас ахәа алагер анҭыҵ ицқьоу аҭыԥ ахь игааит. 12 Акәырбаннагарҭаҿы еснагь амца еиқәызароуп, уи ыцәар ҟалаӡом. Аԥшьаҩы есышьыжь уи амҿы ақәиҵалааит, нас хыхь ирбылуа акәырбан ақәиҵалааит, аҭынчратә кәырбанқәа рышшагьы ибыллааит. 13 Акәырбаннагарҭаҿы еснагь амца еиқәызароуп, уи ыцәар ҟалаӡом.

14 Абар кәырбанс инарго ача иазку азакәан. Ааро́н иԥацәа уи акәырбаннагарҭахь, Иегова иахь, инаргалароуп. 15 Урҭ руаӡәк кәырбанс Анцәа изнарго ачаҟынтә игәӡаны илагоу уаԥсҵәык азна ачашылеи, маҷк ахәшеи, кәырбанс инарго ача иақәу аладан зегьи аашьҭыхны, акәырбан зегьы аазырԥшуа хәҭак еиԥш, акәырбаннагарҭаҿы иблааит. Уи Иегова игәы иахәо* фҩуп. 16 Иаанхо Ааро́н иԥацәеи иареи ирфааит. Уи ачашыла иалхны арҵәыга злам ача ҟаҵатәуп, иԥшьоу аҭыԥ аҿгьы ифатәуп. Уи аиқәшәара ақьала ашҭаҿы ирфааит. 17 Ача арҵәыга аҭара ҟалаӡом. Уи исзаарго ирбылуа акәырбанқәа рҟынтә хәҭак еиԥш урҭ ирысҭеит. Ари агәнаҳазы акәырбани ахаразы акәырбани реиԥш даараӡа иԥшьоу акоуп. 18 Уи Ааро́н ишьҭра иатәу ахацәа зегьы ирфалааит. Иегова изнарго амца иақәҵаны ирбылуа акәырбанқәа рҟынтә ари ахәҭа абиԥарақәа зегь рҿы еснагь урҭ иртәызаауеит. Урҭ* иркьысуа зегь ԥшьахоит“».

19 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 20 «Ааро́н ԥшьаҩ хадас даналххо аҽны Ааро́н иԥацәеи иареи Иегова изнарго абри ауп: иааиԥмырҟьаӡакәа кәырбанс инарго ачеиԥш игәӡаны илагоу ачашыла ае́фа ажәабатәи ахәҭа*. Абжа ашьжьымҭан инагатәуп, егьи — ахәылбыҽха. 21 Уи ахәша аҭаны аԥлакь аҿы иӡтәуп. Кәырбанс инарго ача ахәша алаҭәаны, иӡны, иԥыҽҽны инаг. Уи афҩы Иегова игәы иахәоит. 22 Убас ҟаиҵалоит Ааро́н иԥацәа рҟынтә иара иҭыԥан иалххо аԥшьаҩгьы. Уи акәырбан Иегова изы ишеибгоу ибылтәуп. Ари ԥсахра зқәым ԥҟароуп. 23 Аԥшьаҩы кәырбанс инеиго ача хкқәа зегьы ишеибгоу ибыллатәуп. Уи афара ҟалаӡом».

24 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 25 «Ааро́н иԥацәеи иареи абас раҳә: „Абар агәнаҳазы акәырбан иазку азакәан. Агәнаҳазы кәырбанс инарго ашьтәа ирбылуа кәырбанс инарго ашьтәа ахьыршьуа аҭыԥ аҿы Иегова иҿаԥхьа иршьыроуп. Уи даараӡа иԥшьоу акоуп. 26 Уи зфар зылшо агәнаҳазы акәырбан назго аԥшьаҩ иоуп. Уи иԥшьоу аҭыԥ аҿы, аиқәшәара ақьала ашҭаҿы, ифатәуп.

27 Уи акәац иакьысуа зегьы ԥшьахоит, уи ашьа аӡәы имаҭәа иақәҭәар, иԥшьоу аҭыԥ аҿы иӡәӡәатәуп. 28 Акәац зҭаржәыз анышәаԥшь иалхзар, иԥҽтәуп, абҩа иалхзар, ирыцқьаны иӡәӡәатәуп.

29 Уи акәац афара зылшо аԥшьаҩцәа роуп. Ари даараӡа иԥшьоу акоуп. 30 Аха агәнаҳазы инаргаз акәырбан ашьа аиқәшәара ақьала иҩнаргалазар, иԥшьоу аҭыԥ аҿы агәнаҳа аҿыхразы, уи акәац афара ҟалаӡом. Уи былтәуп.

7 Абар ахаразы инарго акәырбан иазку азакәан. Уи даараӡа иԥшьоу акоуп. 2 Ахаразы кәырбанс инарго ашьтәа ирбылуа акәырбанқәа ахьыршьуа аҭыԥ аҿы иршьуеит, уи ашьагьы акәырбаннагарҭа аганқәа зегьы ирықәдырԥҟҟоит. 3 Аԥшьаҩы ашша зегь неигоит: акьаԥеи, аҩныҵҟатәи ахәҭақәа ирықәу ашшеи, 4 иара убас аҩҷаҷаки ауаҭәақәа рааигәара урҭ ирықәу ашшеи. Аҷаҷақәа анамихуа, агәаҵәа иамоу ашшагьы амихуеит. 5 Аԥшьаҩы уи Иегова изнарго амца иақәҵаны ирбылуа кәырбанҵас акәырбаннагарҭаҿы ибылуеит. Ари ахаразы инарго кәырбануп. 6 Уи аԥшьаҩцәа заҵәык ирфалааит. Уи иԥшьоу аҭыԥ аҿы ифатәуп. Уи даараӡа иԥшьоу акоуп. 7 Агәнаҳазы инарго акәырбани ахаразы инарго акәырбани закәанк ауп ирымоу; уи акәац зтәу акәырбан наганы ауаҩы игәнаҳа ихызхуа аԥшьаҩ иоуп.

8 Аԥшьаҩы аӡәы изы ирбылуа акәырбан аннеиго, ашьтәа ацәа аԥшьаҩы итәуп.

9 Кәырбанс инарго ача, аԥечкаҿы иӡу акәзаргьы, адырган аҿы ма аԥлакь аҿы иӡу акәзаргьы, иназго аԥшьаҩы итәуп. 10 Кәырбанс инарго ача, ахәша злаҭәоу ачашыла акәзаргьы, ахәша злаҭәам акәзаргьы, Ааро́н иԥацәа зегьы иртәуп, урҭ уи еиҟараны еиҩыршоит.

11 Абар Иегова изнарго аҭынчратә кәырбан иазку азакәан. 12 Аӡәы ари акәырбан Анцәа иҭабуп ҳәа иеиҳәарц инеигозар, уи иадкыланы инеигароуп ахәша аҭаны иҟаҵоу арҵәыга злам ачарҳәқәа, ахәша зыхьшьу арҵәыга злам амгьал ҟьаԥсқәа, ахәша злаҭәоу игәӡаны илагоу ачашылала ибзианы икәаҳау амажәа иалху ачарҳәқәа. 13 Инеиго акәырбан иацҵаны инеигароуп арҵәыга злоу амажәа иалхны иҟаҵоу ачарҳәқәеи Анцәа ҭабуп ҳәа иеиҳәарц кәырбанс инеиго аҭынчратә кәырбанқәеи. 14 Иара Иегова ирҭо иԥшьоу хәҭак еиԥш ачақәа рыхкқәа зегьы рҟынтә чак-чак неигааит. Уи аҭынчратә кәырбанқәа ршьа акәырбаннагарҭа иақәзырԥҟҟо аԥшьаҩы итәуп. 15 Анцәа ҭабуп ҳәа иарҳәарц азы кәырбанҵас инарго аҭынчратә кәырбанқәа ркәац уи аҽныҵәҟьа ифатәуп. Шьыжьынӡа акгьы ааныжьра ҟалаӡом.

16 Анцәа ажәа ахьирҭаз азы инарго акәырбан ма хатәгәаԥхарала инарго акәырбан уи аҽныҵәҟьа ифатәуп. Иаанхаз адырҩаҽныгьы ирфар ҟалоит. 17 Адырхаҽнынӡа акәац аанхар, ибылтәуп. 18 Аҭынчратә кәырбан аҟынтә иаанхаз акәац адырхаҽны ирфар, Анцәа уи назгаз дизыразхаӡом. Иара уи акәырбан неигеит ҳәа иԥхьаӡахаӡом, избанзар иԥшьаз атәеимбаӡеит. Уи зфо игәнаҳазы аҭак ҟаиҵоит. 19 Акәац ицқьам ак акьысзар, уи афара ҟалаӡом, ибылтәуп. Ицқьоу акәац афара зылшо ицқьоу иоуп.

20 Ауаҩы дыцқьамкәа Иегова изнарго аҭынчратә кәырбан акәац ифар, дышьтәуп. 21 Аӡәы ицқьам акы далакьысыр, уи ауаҩы илҵуа ицқьам ак акәзаргьы, ицқьам аԥстәы ма ихәынгаушьартә иҟоу ицқьам шамҭак акәзаргьы, дшыцқьамгьы Иегова изнарго аҭынчратә кәырбан акәац ифар, дышьтәуп“».

22 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 23 «Израильаа абас раҳә: „Ишәымфалан ацә ашша, аҭыӷь ашша, ма абаӷь ашша. 24 Иԥсыз аԥстәы ашшеи агыгшәыг еимнажәжәаз аԥстәы ашшеи шәхы иашәырхәар ҟалоит, аха уи афара ҟалаӡом. 25 Аӡәы Иегова изнеиго амца иақәҵаны ирбылуа акәырбан ашша ифар, дышьтәуп.

26 Шәахьынхозаалакгьы ашьа шәымфалан, уи аԥсаатәқәа ршьа акәзаргьы, аԥстәқәа ршьа акәзаргьы. 27 Ашьа зфо дышьтәуп“».

28 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 29 «Израильаа абас раҳә: „Аӡәы Иегова аҭынчратә кәырбан изнеигозар, уи аҟынтә хәҭак Иегова ииҭааит. 30 Иара ашша агәышԥы адкыланы амца иақәҵаны ирбылуа кәырбанс инапала Иегова изнеигааит. Уи Иегова иҿаԥхьа ирҟьо кәырбанҵас иҟьааит. 31 Аԥшьаҩы акәырбаннагарҭаҿы ашша ибылуеит, агәышԥы акәзар, Ааро́н иԥацәеи иареи иртәызаауеит.

32 Арӷьа шьапы инажәго аҭынчратә кәырбанқәа рҟынтә иԥшьоу хәҭак еиԥш аԥшьаҩы ишәҭ. 33 Арӷьа шьапы аҭынчратә кәырбанқәа ршьеи рышшеи назго Ааро́н иԥацәа руаӡәк итәуп. 34 Ирҟьо кәырбанк аҳасабала инарго агәышԥи иԥшьоу хәҭас иԥхьаӡоу ашьапи сара израильаа инарго аҭынчратә кәырбанқәа рҟынтә иганы аԥшьаҩы Ааро́н иԥацәеи иареи ирысҭоит. Ари ԥсахра зқәым ԥҟароуп.

35 Ари аԥшьаҩцәа, Ааро́н иԥацәеи иареи, ԥшьаҩцәас Иегова имаҵ аура ианазкыз аҽны ирыҭаз амца иақәҵаны ирбылуа, Иегова изнарго акәырбанқәа рҟынтә хәҭоуп. 36 Иегова урҭ аналих аҽны израильаа уи ахәҭа урҭ ирырҭаларц рыдиҵеит. Ари израильаа ирхылҵуа абиԥарақәеи дареи зықәныҟәалаша ԥсахра зқәым ԥҟароуп“».

37 Ари ирбылуа акәырбани, кәырбанс инарго ачеи, агәнаҳазы акәырбани, ахаразы акәырбани, аԥшьаҩцәа ралхразы акәырбани, насгьы аҭынчратә кәырбани ирызку азакәан ауп. 38 Иегова ари азакәан Моисеи синаитәи ашьхаҿы ииҭеит, синаитәи ацәҳәыраҿы израильаа Иегова акәырбанқәа изнаргаларц анрыдиҵаз аҽны.

8 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Ааро́н иԥацәеи иареи аиқәшәара ақьала аҩналарҭахь иааг, иара убас ишьҭых амаҭәеи, иԥшьоу ахәшеи, агәнаҳазы кәырбанс инагатәу ацәи, ҩ-ҭыӷьки, арҵәыга злам ача зҭоу акаҵкәыри, 3 ажәларгьы ақьала аҩналарҭаҿы еизга».

4 Моисеи Иегова ишиеиҳәаз еиԥш иҟаиҵеит, ажәларгьы аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы еизеит. 5 Моисеи ажәлар ус реиҳәеит: «Абар Иегова иҟаҳҵарц иҳадиҵаз». 6 Моисеи Ааро́н иԥацәеи иареи ааиган, рҽырыӡәӡәарц реиҳәеит. 7 Уи ашьҭахь иара Ааро́н иауз ахарԥ ишәиҵан, маҟала иҿеиҳәеит, нас амаӷрақәа змамыз аҵки аефо́ди ишәиҵан, аефо́д иацыз исны иҟаҵаз амаҟала аефо́д ибзианы идшәало иҿеиҳәеит. 8 Нас аефо́д аџьыба ақәиҵан, аури́ми атумми́ми ҭеиҵеит. 9 Уи ашьҭахь атиурбан ихеиҵан, атиурбан аԥхьа ахьы иалхыз, ицырцыруаз аҵәаҟьа* — иԥшьоу адырга* — аиркит, Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш.

10 Моисеи иԥшьоу ахәша аашьҭихын, иԥшьоу ақьалеи уа иҩнагылаз амаҭәарқәеи ирхьишьын, иԥшьеит. 11 Анаҩс иара акәырбаннагарҭа бжьынтә ахәша ақәирԥҟҟеит, нас акәырбаннагарҭеи, уи иацу амаҭәарқәеи, ачани, уи зықәдыргылои иԥшьарц азы ахәша рхьишьит. 12 Уи ашьҭахь иара иԥшьоу ахәша ахәҭак Ааро́н ихы иақәиҭәан, диԥшьарц азы ихьишьит.

13 Моисеи Ааро́н иԥацәагьы ааиган, иауз ахарԥқәа ршәиҵан, амаҟақәа рымӷеиҵеит, ахҭырԥақәагьы рхеиҵеит, Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш.

14 Нас агәнаҳазы кәырбанс инаргоз ацә ааиган, Ааро́н иԥацәеи иареи уи ахы рнапқәа ақәырҵеит. 15 Моисеи уи ишьын, ашьа инацәкьыс ала акәырбаннагарҭа атәыҩақәа зегьы ирхьишьит, убасала акәырбаннагарҭа агәнаҳа аҟынтә ирыцқьеит. Иаанхаз ашьа акәырбаннагарҭа ашьапахьы икеиҭәеит, уи иԥшьарц азы, насгьы уа агәнаҳақәа рхыхразы акәырбанқәа наргаларц азы. 16 Уи ашьҭахь Моисеи аҩныҵҟатәи ахәҭақәа ирықәу ашша зегьи, агәаҵәа иақәу ашшеи, аҩҷаҷаки, урҭ ирықәу ашшеи аашьҭыхны акәырбаннагарҭаҿы иблит. 17 Иаанхаз зегьы — ацә ацәеи, акәаци, ауаци — алагер анҭыҵ иганы ирблит, Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш.

18 Анаҩс Моисеи ирбылуа акәырбан азы аҭыӷь неиган, Ааро́н иԥацәеи иареи уи ахы рнапқәа ақәырҵеит. 19 Моисеи уи ишьын, ашьа акәырбаннагарҭа аганқәа зегьы ирықәирԥҟҟеит. 20 Иара аҭыӷь хәҭа-хәҭала еиҿихын, ахи, егьырҭ ахәҭақәеи, ашшеи* амца иақәиҵеит. 21 Иара арҳәарахи ашьапқәеи ӡыла иӡәӡәан, аҭыӷь зегь акәырбаннагарҭаҿы иблит. Ари Анцәа игәы иахәо* афҩы зхылҵуа ирбылуа кәырбануп. Ари амца иақәҵаны ирбылуа Иегова изнарго кәырбануп, Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш.

22 Анаҩс аҩбатәи аҭыӷь — аԥшьаҩцәа ралхразы инагатәыз аҭыӷь — ааиган, Ааро́н иԥацәеи иареи уи ахы рнапқәа ақәырҵеит. 23 Моисеи уи ишьын, ашьа аашьҭыхны Ааро́н иарӷьа лымҳаҟатареи, иарӷьа нацәкьыс дуи, иарӷьа шьацәкьыс дуи ирхьишьит. 24 Нас Ааро́н иԥацәа ааиган, ашьа рарӷьа лымҳаҟатареи, рарӷьа нацәкьыс дуи, рарӷьа шьацәкьыс дуи ирхьишьит, иаанхаз ашьа Моисеи акәырбаннагарҭа аганқәа зегьы ирықәирԥҟҟеит.

25 Анаҩс Моисеи ашшеи, акьаԥеи, аҩныҵҟатәи ахәҭақәа ирықәу ашша зегьи, агәаҵәа иақәу ашшеи, аҩҷаҷаки, урҭ ирықәу ашшеи, арӷьа шьапи аашьҭихит. 26 Нас Иегова иҿаԥхьа игылаз арҵәыга зламыз ача зҭаз акаҵкәыр аҟынтә арҵәыга зламыз чарҳәыки, ахәша аҭаны иҟаҵаз чарҳәыки, мгьал ҟьаԥски аашьҭихын, инаганы ашшеи аҭыӷь арӷьа шьапи ирықәиҵеит. 27 Иара уи зегьы Ааро́н иԥацәеи иареи рнапы ианҵаны ирҟьо кәырбанҵас Иегова иҿаԥхьа иҟьеит. 28 Нас иаарымихын, акәырбаннагарҭа иақәыз ирбылуа акәырбан иақәҵаны иблит. Ари аԥшьаҩцәа ралхразы инагаз Анцәа игәы иахәо афҩы зхылҵуа кәырбануп. Ари амца иақәҵаны ирбылуа Иегова изнарго кәырбануп.

29 Моисеи аҭыӷь агәышԥы аашьҭихын, ирҟьо кәырбанҵас Иегова иҿаԥхьа иҟьеит. Уи аԥшьаҩцәа ралхразы кәырбанс инагаз аҭыӷь аҟынтә Моисеи иитәу хәҭоуп, Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш.

30 Анаҩс Моисеи иԥшьоу ахәшеи акәырбаннагарҭаҿы иҟаз ашьеи аашьҭихын, Ааро́н имаҭәақәеи иареи, иара убас Ааро́н иԥацәа рымаҭәақәеи дареи ирықәирԥҟҟеит. Убасала иара Ааро́н имаҭәақәеи иареи, насгьы иԥацәа рымаҭәақәеи дареи иԥшьеит.

31 Моисеи Ааро́н иԥацәеи иареи ус реиҳәеит: «Акәац аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы ишәжәы, нас аԥшьаҩцәа ралхраан рхы иадырхәо акаҵкәыр иҭоу ача иадкыланы убра ишәфа, „Ааро́н иԥацәеи иареи ирфааит“ ҳәа Анцәа ишсыдиҵаз еиԥш. 32 Акәаци ачеи рҟынтә ак аанхар, ижәблы. 33 Ԥшьаҩцәас шәалхра иазку амшқәа нҵәаанӡа бжьымш аиқәшәара ақьала аҩналарҭа шәаԥырымҵын, избанзар ԥшьаҩцәас шәалхразы бжьымш аҭаххоит. 34 Иахьа иҟаҳҵаз Иегова шәыгәнаҳа шәхыхразы иҟаҳҵарц ҳадиҵеит. 35 Бжьымш шәара уахи-ҽни аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы шәыҟазаауеит, Иегова иҿаԥхьа ишәыду аҭакԥхықәрақәагьы нашәыгӡалоит, шәымԥсырц азы, избанзар Анцәа убас сыдиҵеит».

36 Ааро́н иԥацәеи иареи Иегова Моисеи ила ирыдиҵаз зегь ҟарҵеит.

9 Аабатәи амш аҽны Моисеи Ааро́н иԥацәеи иареи, иара убас израильаа реиҳабацәеи даарыԥхьан, 2 Ааро́н ус иеиҳәеит: «Агәнаҳазы кәырбанс гра змам аҳәыси ирбылуа кәырбанс гра змам аҭыӷьи ааганы Иегова иҿаԥхьа иргыл. 3 Израильаагьы абас раҳә: „Агәнаҳазы кәырбанс абаӷь нажәг, ирбылуа кәырбанс — шықәсык зхыҵуа гра змам аҳәыси аҭыӷьи, 4 аҭынчратә кәырбанс инажәг ацәи аҭыӷьи, Иегова иҿаԥхьа кәырбанс инажәгарц азы, иара убас ахәша злаҭәоу ача, избанзар иахьа Иегова ихы шәирбоит“».

5 Дара Моисеи ииҳәаз зегь наганы аиқәшәара ақьала аԥхьа идыргылеит. Уи ашьҭахь ажәлар зегь ааин, Иегова иҿаԥхьа игылеит. 6 Моисеи иҳәеит: «Абар Иегова иҟаҵатәуп ҳәа ииҳәаз, Иегова ихьӡ-иԥша шәирбарц азы». 7 Анаҩс Моисеи Ааро́н ус иеиҳәеит: «Акәырбаннагарҭахь унеины агәнаҳазы акәырбани ирбылуа акәырбани ухазы инаг, ухы ҿухырц, уҭаацәарагьы ҿухырц азы. Иара убас ажәлар ркәырбан наганы, рыгәнаҳақәа рхых, Иегова ишиҳәаз еиԥш».

8 Ааро́н акәырбаннагарҭаҿы днеин, игәнаҳазы кәырбанс аҳәыс ишьит. 9 Иԥацәа уи ашьа наимҵаркит. Иара инацәкьыс ашьа иӡаашьны акәырбаннагарҭа атәыҩақәа ирхьишьит, иаанхаз ашьа акәырбаннагарҭа ашьапахьы икеиҭәеит. 10 Нас иара агәнаҳазы инагаз ашьтәа ашшеи, аҷаҷақәеи, агәаҵәа иақәыз ашшеи наганы акәырбаннагарҭаҿы иблит, Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш. 11 Акәаци ацәеи алагер анҭыҵ иганы иблит.

12 Уи ашьҭахь Ааро́н аҭыӷь ишьит, ирбылуа кәырбанс инеигарц азы. Иԥацәа уи ашьа изнарган, иара уи акәырбаннагарҭа аганқәа зегьы ирықәирԥҟҟеит. 13 Дара ирбылуа кәырбанс инагаз ашьтәа ахәҭақәа ахы надкыланы изнарган, иара урҭ акәырбаннагарҭаҿы иблит. 14 Нас арҳәарахи ашьапқәеи ӡыла иӡәӡәан, акәырбаннагарҭаҿы ирбылуа акәырбан иақәҵаны иблит.

15 Анаҩс Ааро́н ажәлар рзы кәырбанс абаӷь ишьит. Уи агәнаҳазы кәырбанс аҳәыс шнеигаз еиԥш инеигеит. 16 Нас азакәан иану аԥҟарақәа инарықәыршәаны ирбылуа акәырбан неигеит.

17 Уи ашьҭахь кәырбанс ача неигеит: иара уи аҟынтә уаԥсҵәык аашьҭихын, инаганы акәырбаннагарҭаҿы иблит. Уи шьыжьла ирбылуаз акәырбан инацҵаны иҟаиҵеит.

18 Анаҩс Ааро́н ацәи аҭыӷьи ишьит, ажәлар рзы аҭынчратә кәырбан неигарц азы. Иԥацәа уи ашьа изнарган, иара уи акәырбаннагарҭа аганқәа зегьы ирықәирԥҟҟеит. 19 Дара ацә ашшеи, аҭыӷь акьаԥеи, аҷаҷақәеи, аҩныҵҟатәи ахәҭақәа ирықәу ашшеи, агәаҵәа иақәу ашшеи 20 наганы, ацә агәышԥи аҭыӷь агәышԥи иақәырҵеит, нас иара ашша акәырбаннагарҭаҿы иблит. 21 Ааро́н ацә агәышԥи арӷьа шьапи, аҭыӷь агәышԥи арӷьа шьапи Иегова иҿаԥхьа ирҟьо кәырбанҵас иҟьеит, Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш.

22 Ааро́н агәнаҳазы акәырбани, ирбылуа акәырбани, аҭынчратә кәырбани аннеига ашьҭахь, ажәлар рахь дааҳәын, инапқәа аашьҭыхны дрықәныҳәеит, нас акәырбаннагарҭа аҟынтә дылбааит. 23 Моисеии Ааро́ни аиқәшәара ақьала иҩналеит, ианыҩныҵ ажәлар ирықәныҳәеит.

Иеговагьы ажәлар ихьӡ-иԥша дирбеит. 24 Иегова хыхьынтә амца лаишьҭит, уи акәырбаннагарҭа иақәыз ирбылуа акәырбани ашшеи аблит. Ауаа уи анырба иҳәҳәан, ишьамхышгылан ихырхәеит.

10 Аамҭак ашьҭахь Ааро́н иԥацәа Нада́ви Авиу́ди рфимиамҭрақәа аашьҭырхын, ижжаӡа иакыз акәицқәа ҭаԥсаны хыхь афимиам ақәырҵан, закәанла знагара азин рымамыз, Анцәа инаргарц ирыдимҵаз амца рыманы Иегова иҿаԥхьа инеит. 2 Убасҟан Иегова амца лаишьҭит, даргьы Иегова иҿаԥхьа иԥсит. 3 Моисеи Ааро́н ус иеиҳәеит: «Абас иҳәоит Иегова: „Сааигәара иааиуа сшыԥшьоу ргәалашәозароуп, ажәларгьы хьӡи-ԥшеи сырҭалароуп“». Ааро́н ҿиҭуамызт.

4 Моисеи Ааро́н иаб иашьа Уззии́л иԥацәа Мисаи́ли Елцафа́ни даарыԥхьан, ус реиҳәеит: «Шәнеины шәашьцәа аԥшьаҭыԥ аҟынтә иқәганы, алагер иалганы ижәга». 5 Дара цан урҭ аԥшьаҩцәа иршәырҵоз амаҭәақәа шыршәыз алагер иалганы иргеит, Моисеи ишреиҳәаз еиԥш.

6 Моисеи Ааро́ни уи иԥацәа, Елеаза́ри Итама́ри, ус реиҳәеит: «Шәыхцәқәа еилыжәжәа иааншәмыжьын, шәымаҭәақәагьы шәышәхаԥышәымжәан, шәымԥсырц азы, насгьы Анцәа ажәлар зегьы игәы рызԥымжәарц азы. Шәашьцәа, израильаа, Иегова мцала иишьыз Ааро́н иԥацәа рҵәыуоит. 7 Шәара шәакәзар, аиқәшәара ақьала аҩналарҭа шәаԥырымҵын, шәымԥсырц азы, избанзар шәара Иегова ихәша ԥшьа шәыхьшьуп». Дара Моисеи ишреиҳәаз еиԥш иҟарҵеит.

8 Иегова Ааро́н ус иеиҳәеит: 9 «Аиқәшәара ақьала шәаныҩнало, уԥацәагьы уаргьы аҩи иџьбароу егьырҭ арыжәтә хкқәеи шәымжәлан, шәымԥсырц азы. Ари ишәхылҵуа абиԥарақәеи шәареи шәзықәныҟәалаша ԥсахра зқәым ԥҟароуп. 10 Уи зшәыҭоу иԥшьоуи иԥшьами, ицқьами ицқьоуи еиҩыжәдырааларц азоуп, 11 насгьы Иегова Моисеи ила израильаа ириҭаз аԥҟарақәа зегь дшәырҵаларц азоуп».

12 Анаҩс Моисеи Ааро́ни зыԥсы ҭаны иаанхаз Ааро́н иԥацәа, Елеаза́ри Итама́ри, ус реиҳәеит: «Амца иақәҵаны ирбылуа кәырбанс Иегова изнарго ача аҟынтә иаанхаз ганы арҵәыга злам ача ҟашәҵа, нас акәырбаннагарҭа ааигәара ишәфа, избанзар уи даараӡа иԥшьоу акоуп. 13 Шәара уи иԥшьоу аҭыԥ аҿы ишәфалароуп, избанзар уи амца иақәҵаны ирбылуа Иегова изнарго акәырбанқәа рҟынтә уԥацәеи уареи шәыхәҭа ауп. Анцәа убас сыдиҵеит. 14 Ирҟьо кәырбанҵас инарго агәышԥи иԥшьоу хәҭас иԥхьаӡоу ашьапи уԥацәеи, уԥҳацәеи, уареи ицқьоу аҭыԥ аҿы ишәфала, избанзар ари израильаа инарго аҭынчратә кәырбанқәа рҟынтә хәҭак еиԥш уԥацәеи уареи ишәыҭоуп. 15 Дара амца иақәҵаны ирбылуа ашша иадкыланы инаргоит иԥшьоу хәҭас иԥҳьаӡоу ашьапи ирҟьо кәырбанҵас инарго агәышԥи, кәырбанс Иегова иҿаԥхьа ирҟьарц азы; агәышԥи ашьапи еснагь уԥацәеи уареи шәыхәҭа акәзаауеит, Иегова ишиҳәаз еиԥш».

16 Моисеи агәнаҳазы кәырбанс инагаз абаӷь ахьыргаз аилкаара дашьҭалеит, ишырблызгьы еилкаахеит. Усҟан Моисеи иаанхаз Ааро́н иԥацәа, Елеаза́ри Итама́ри, дрызгәаан, ус реиҳәеит: 17 «Изышәымфеи агәнаҳазы акәырбан иԥшьоу аҭыԥ аҿы? Уи даараӡа иԥшьоу акоуп, уи шәара ишәыҭан, ажәлар рыгәнаҳақәа рзы аҭак ҟашәҵаларц, насгьы Иегова иҿаԥхьа урҭ рыгәнаҳақәа рҟынтә иҿышәхларц азы. 18 Агәнаҳазы инагаз ашьтәа ашьа аԥшьаҭыԥ иҩнагалаӡамызт. Шәара уи иԥшьоу аҭыԥ аҿы ишәфар акәын, Анцәа ишсыдиҵаз еиԥш». 19 Ааро́н Моисеи ус иеиҳәеит: «Иахьа ажәлар Иегова иҿаԥхьа рыгәнаҳазы акәырбани ирбылуа акәырбани наргеит. Сзықәшәаз ашьҭахь агәнаҳазы инагаз акәырбан сфазҭгьы, игәаԥхарызма уи Иегова?» 20 Моисеи Ааро́н ииҳәаз аниаҳа, диқәшаҳаҭхеит.

11 Иегова Моисеии Ааро́ни ус реиҳәеит: 2 «Израильаа абас рашәҳә: „Зыԥсы ҭоу, адгьыл иқәу ашамҭақәа рҟынтә шәара ишәфар ҟалоит 3 зшьапсыргәыҵа еиҟәшоу, насгьы еидыгоу, ижаҳәо аԥстәқәа зегьы.

4 Ижаҳәо ма зшьапсыргәыҵа еиҟәшоу рҟынтә ишәфар ҟалаӡом амахҽ, избанзар иара жаҳәоит, аха ашьапсыргәыҵа еиҟәшаӡам, уи шәара шәзы ицқьаӡам, 5 ацаҟьаҿы инхо адаман, избанзар иара жаҳәоит, аха ашьапсыргәыҵа еиҟәшаӡам, уи шәара шәзы ицқьаӡам, 6 ажьа, избанзар иара жаҳәоит, аха ашьапсыргәыҵа еиҟәшаӡам, уи шәара шәзы ицқьаӡам, 7 аҳәа, избанзар ашьапсыргәыҵа еиҟәшоуп, иагьеидыгоуп, аха иара жаҳәаӡом, уи шәара шәзы ицқьаӡам. 8 Ишәымфан урҭ ркәац, рыԥсыбаҩгьы шәакьымсын. Урҭ шәара шәзы ицқьаӡам.

9 Амшынқәеи аӡиасқәеи ирҭоу зыԥсы ҭоу ашамҭақәа рҟынтә арӡсагақәа змоу, иара убас ақырц* зқәу шәфар ҟалоит. 10 Амшынқәеи аӡиасқәеи ирҭоу, аха арӡсагақәа змам, ақырцгьы зқәым ашамҭақәа шәара шәзы ихәымгазароуп, аӡы иҭоу иссоу ашамҭақәагьы уахь иналаҵаны. 11 Шәара урҭ хәымгашәшьозароуп. Ишәымфан урҭ ркәац, рыԥсыбаҩгьы шәакьымсын. 12 Аӡқәа ирҭоу, аха арӡсагақәа змам, ақырцгьы зқәым шәара шәзы ихәымгазароуп.

13 Абар зыфара ҟамло, ихәымгашәшьалар ахәҭоу амҵәыжәҩақәа змоу ашамҭақәа: ауарбажә, амшынуарбажә, агриф еиқәаҵәа, 14 ахьшь ҟаԥшь, ахьшь еиқәаҵәа ахкқәа зегьы, 15 алаҳәа ахкқәа зегьы, 16 астраус, аты, аҷныш, ашьауардын ахкқәа зегьы, 17 акьиу, абаклан, алымҳақәа змоу аты, 18 амшынҟыз, апеликан, агриф, 19 аист, аӡыцәа ахкқәа зегьы, ашамыхьажь*, ахәылԥҵыс. 20 Иԥыруа, иагьныҟәо ахәаҷа-маҷақәа зегьы шәара шәзы ихәымгазароуп.

21 Иԥыруа, иагьныҟәо ахәаҷа-маҷақәа рҟынтә ишәфар ҟалоит икаԥаларц азы даҽа ҩ-шьапык змоу ахәаҷа-маҷақәа. 22 Шәара ишәфар ҟалоит ахара иԥыруа асаранча еиуеиԥшым ахкқәа, зыфара ҟало егьырҭ асаранча ахкқәа, арҵуқәа, акаԥақәа. 23 Иԥыруа, иагьныҟәо егьырҭ ахәаҷа-маҷақәа зегьы шәара шәзы ихәымгазароуп. 24 Урҭ ирыхҟьаны шәара шәыцқьамкәа шәҟалоит. Урҭ рыԥсыбаҩ иалакьысуа хәылбыҽханӡа дыцқьамкәа даанхоит. 25 Урҭ рыԥсыбаҩ зкыз имаҭәа иӡәӡәароуп, иара хәылбыҽханӡа дыцқьамкәа даанхоит.

26 Зшьапсыргәыҵа еиҟәшоу, аха зынӡа еидыгам, насгьы имжаҳәо аԥстәқәа зегьы шәара шәзы ицқьаӡам. Урҭ ирылакьысуа дыцқьамкәа дҟалоит. 27 Ԥшь-шьапык зҵоу ашамҭақәа рҟынтә шәара шәзы ицқьаӡам зшьапсыргәыҵа татоу аԥстәқәа*. Урҭ рыԥсыбаҩ иалакьысыз хәылбыҽханӡа дыцқьамкәа даанхоит. 28 Урҭ рыԥсыбаҩ зкыз имаҭәақәа иӡәӡәароуп, хәылбыҽханӡагьы дыцқьамкәа даанхоит. Урҭ шәара шәзы ицқьаӡам.

29 Абар адгьыл иқәу иссоу ашамҭақәа рҟынтә шәара шәзы ицқьам: анышә ицәыҵоу аҳәынаԥ*, аҳәынаԥ, аинцәыш* ахкқәа зегьы, 30 агеккон, аинцәыш ду, атритон, аԥслымӡраҿы инхо аинцәыш, ахамелеон. 31 Арҭ ашамҭақәа шәара шәзы ицқьаӡам. Урҭ рыԥсыбаҩ иалакьысуа хәылбыҽханӡа дыцқьамкәа даанхоит.

32 Урҭ рыԥсыбаҩ зықәҳаз зегьы цқьамкәа иҟалоит, амҿтәы чысмаҭәа акәзаргьы, амаҭәа акәзаргьы, аԥстәқәа рцәа акәзаргьы, иџьаџьоу аба акәзаргьы. Иарбан чысмаҭәазаалакгьы, изызкызаалакгьы аӡы иӡааҵатәуп, уи хәылбыҽханӡа ицқьамкәа иаанхоит, нас ицқьахоит. 33 Урҭ рыԥсыбаҩ анышәаԥшь иалху ачысмаҭәа иҭаҳар, уи ԥҽтәуп, уи иҭаз закәызаалакгьы ицқьамкәа иҟалоит. 34 Уи ачысмаҭәа иҭаз аӡы фатәык иалаҭәар, уи цқьахаӡом, уи ачысмаҭәа иҭоу закәызаалакгьы, ажәра ҟалаӡом, уи цқьаӡам. 35 Урҭ рыԥсыбаҩ зкьысыз зегьы цқьахаӡом, аԥечка акәзаргьы, аҟәџьалқәа зықәдыргыло акәзаргьы, иԥҽтәуп. Урҭ цқьаӡам, уаҳа шәхы иашәырхәар ҟалаӡом. 36 Аӡы ахьыҵыҵуа аҭыԥи ӡеизгарҭас ишәымоу аҵеџьи заҵәык шыцқьоу иаанхоит. Урҭ ашамҭақәа рыԥсыбаҩ иакьысуа дызусҭазаалак дыцқьамкәа дҟалоит. 37 Урҭ рыԥсыбаҩ иларҵараны иҟоу ажәла иақәҳар, уи цқьоуп. 38 Аха ажәла ҵәыӷьарц азы аӡы ишӡаау аԥсыбаҩ ахәҭак иадамзаргьы ақәҳар, уи шәара шәзы ицқьаӡам.

39 Зыфара ҟало аԥстәы ԥсыр, уи иалакьысыз хәылбыҽханӡа дыцқьамкәа даанхоит. 40 Уи акәац зфо имаҭәа иӡәӡәароуп, хәылбыҽханӡагьы дыцқьамкәа даанхоит. Уи аԥсыбаҩ ықәганы изго имаҭәа иӡәӡәароуп, хәылбыҽханӡагьы дыцқьамкәа даанхоит. 41 Адгьыл иқәу иссоу ашамҭақәа зегьы шәара шәзы ихәымгазароуп. Урҭ рыфара ҟалаӡом. 42 Ишәымфан зымгәацәа иқәҳәазо, насгьы ԥшь-шьапык змоу иарбан шамҭазаалак, иара убас ирацәаны ашьапқәа змоу иарбан шамҭазаалак, избанзар шәара шәзы урҭ хәымгоуп. 43 Урҭ рымшала шәыҽхәымгашәымтәын, шәыцқьамкәагьы шәҟалар шәымун, 44 избанзар сара Шәынцәа Иегова соуп. Шәҽышәыԥшьала, шәыԥшьаз, избанзар сара сыԥшьоуп. Адгьыл иқәу иссоу ашамҭақәа ирыхҟьаны шәыцқьамкәа шәҽыҟашәымҵан. 45 Сара Шәынцәа сакәзарц азы Египет шәалызгаз Иегова соуп. Шәыԥшьаз, избанзар сара сыԥшьоуп.

46 Ари аԥстәқәеи, амҵәыжәҩа змоу ашамҭақәеи, аӡы иҭоу, насгьы адгьыл иқәу ашамҭақәеи ирызку азакәан ауп, 47 ицқьами ицқьоуи реиҩдырааразы, иара убас зыфара ҟало зыԥсы ҭоу ашамҭақәеи зыфара ҟамло ашамҭақәеи реиҩдырааразы“».

12 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Израильаа абас раҳә: „Аԥҳәыс лцәалтәымкәа дҟалар, аҷкәынгьы длоур, бжьымш дыцқьамкәа дыҟазаауеит, аменструациа анлымоу амшқәа раан дшыцқьам еиԥш. 3 Аабатәи амш азы асаби иаԥхьатә хырсароуп. 4 Анаҩс лара еиҭа 33 мшы ашьа аҟынтә лҽылрыцқьалоит. Лыҽрыцқьара амшқәа нҵәаанӡа лара иԥшьоу акгьы дакьымсроуп, иԥшьоу аҭыԥ ахьгьы дымнеироуп.

5 Аӡӷаб длоур, 14 мшы дыцқьамкәа дыҟазаауеит, аменструациа анлымоу еиԥш. Нас даҽа 66 мшы ашьа аҟынтә лҽылрыцқьалоит. 6 Аҷкәын ма аӡӷаб данлоулак ашьҭахь лыҽрыцқьара амшқәа анынҵәалак, аиқәшәара ақьала аҩналарҭахь ирбылуа кәырбанс шықәсык еиҳаны зхымҵуа аҭыӷь налгааит, агәнаҳазы кәырбанс аҳәыҳә ԥшқа ма аҟәараса налгааит. Лара урҭ аԥшьаҩы илҭароуп. 7 Иара урҭ Иегова изнаганы дҿихуеит, ларгьы ашьабараҟынтә дыцқьахоит. Ари аҷкәын ма аӡӷаб дзауа аԥҳәыс илызку азакәан ауп. 8 Аха аҭыӷь анагара лылымшозар, ҩ-ҟәарасак ма ҩ-ҳәыҳә ҿак налгааит: ҵыск ирбылуа кәырбанс, егьи агәнаҳазы кәырбанс. Аԥшьаҩы уи дҿихуеит, ларгьы дыцқьахоит“».

13 Анаҩс Иегова Моисеии Ааро́ни ус реиҳәеит: 2 «Ауаҩы ицәа ацәабажә хылар, ма ашәыта анылар, ма ичыр, насгьы уи ацәеилабаара* иеиԥшхар, уи аԥшьаҩы Ааро́н иахь, ма ԥшьаҩыс амаҵ зуа Ааро́н иԥацәа руаӡәк иахь днагатәуп. 3 Аԥшьаҩы ауаҩы ицәа иалнахыз дахәаԥшуеит. Уи аҭыԥ аҿы иақәу ахәы шкәакәахазар, насгьы ачымазара ицәа иалалазар, уи ацәеилабаара ауп. Аԥшьаҩы ауаҩы ицәа иалнахыз дахәаԥшуеит, дшыцқьамгьы рылеиҳәоит. 4 Ашәыта шкәакәазар, уи иақәу ахәы шкәакәамхазар, ачымазарагьы ицәа иаламлазар, аԥшьаҩы уи ачымазаҩ бжьымш ҳәа ауаа дрылигоит. 5 Абыжьбатәи амш азы аԥшьаҩы ачымазаҩ дихәаԥшуеит, ашәыта шыҟац иаанхазар, ауаҩы ицәагьы иаламлазар, аԥшьаҩы уи еиҭа бжьымш ҳәа ауаа дрылигоит.

6 Абыжьбатәи амш азы, аԥшьаҩы еиҭах ауаҩы дихәаԥшуеит, ашәыта ацара иалагазар, ачымазарагьы ицәа иаламлазар, аԥшьаҩы уи дыцқьоуп ҳәа рылеиҳәоит. Уи ацәабажә акәын. Ауаҩы имаҭәа иӡәӡәоит, дагьыцқьахоит. 7 Аха ауаҩы аԥшьаҩы иҽаниирба, насгьы аԥшьаҩы уи дыцқьоуп ҳәа анрылеиҳәа ашьҭахь ацәабажә аҽарҭбаазар, иара даҽа знык аԥшьаҩы иҽиирбароуп. 8 Аԥшьаҩы уи дихәаԥшуеит, ацәабажә аҽарҭбаазар, аԥшьаҩы уи ауаҩ дыцқьаӡам ҳәа рылеиҳәоит. Уи ацәеилабаара ауп.

9 Ауаҩы ацәеилабаара ихьзар, аԥшьаҩ иахь днагатәуп, 10 аԥшьаҩгьы уи дихәаԥшуеит. Ицәа ачыра алҵзар, насгьы уи шкәакәахазар, иақәу ахәгьы шкәакәахазар, ахәрагьы аатызар, 11 уи акрызхыҵуа цәеилабаароуп. Аԥшьаҩы ауаҩы дыцқьаӡам ҳәа рылеиҳәоит. Уи ауаа дрылганы дгатәӡам*, избанзар иара дыцқьаӡам. 12 Ацәеилабаара аҽарҭбаар, насгьы аԥшьаҩы иахьынӡеибарҭоу ауаҩы ихы инаркны ишьапаҟынӡа ицар, 13 аԥшьаҩгьы ауаҩы ихы инаркны ишьапаҟынӡа ацәеилабаара шихьыз ибар, ачымазаҩ дыцқьоуп* ҳәа рылеиҳәоит. Ауаҩы ицәеижь шкәакәахеит, иара дыцқьоуп. 14 Аха ицәаҿы ахәра аатыр, уи дыцқьамкәа дҟалоит. 15 Аԥшьаҩы ахәра шаатыз ибар, ауаҩы дыцқьаӡам ҳәа рылеиҳәоит. Иаату ахәра цқьаӡам. Уи ацәеилабаара ауп. 16 Иаату ахәра еиҭах ишкәакәахар, ауаҩы аԥшьаҩ иахь днеироуп. 17 Аԥшьаҩы ачымазаҩ дихәаԥшуеит. Ахәра ҭыԥ шышкәакәахаз ибар, ауаҩы дыцқьоуп ҳәа рылеиҳәоит. Уи дыцқьоуп.

18 Ауаҩы ицәа ашәра алнахыр, нас иӷьар, 19 аха уи аҭыԥ чыр, иагьышкәакәахар, ма иҟаԥшьы-шкәакәоу ашәыта анылар, ихы аԥшьаҩы иирбароуп. 20 Аԥшьаҩы ашәыта дахәаԥшуеит, уи иақәу ахәы шкәакәахазар, насгьы ачымазара ауаҩы ицәа иалалазар, аԥшьаҩы уи ауаҩ дыцқьаӡам ҳәа рылеиҳәоит. Уи ашәра ахьалнахыз аҭыԥ аҿы ицәырҵыз ацәеилабаара ауп. 21 Аԥшьаҩы ашәыта данахәаԥшлак, уи иақәу ахәы шышкәакәам ибар, насгьы уи уамак иубарҭамзар, ачымазарагьы ауаҩы ицәа иаламлазар, иара уи ачымазаҩ бжьымш ҳәа ауаа дрылигоит. 22 Ашәыта аҽарҭбаар, аԥшьаҩы ауаҩы дыцқьаӡам ҳәа рылеиҳәоит. Уи ацәеилабаара ауп. 23 Ашәыта шыҟац иаанхар, аҽамырҭбаар, уи ашәра хымжьыжькааит ауп, аԥшьаҩы ауаҩы дыцқьоуп ҳәа рылеиҳәоит.

24 Ауаҩы амца даблыр, насгьы уи ахәра ҟаԥшьы-шкәакәахар ма ишкәакәахар, 25 аԥшьаҩы уи дахәаԥшуеит. Ашәыта иақәу ахәы шкәакәахазар, насгьы ачымазара ауаҩы ицәа иалалазар, уи ахәраҿы ицәырҵыз ацәеилабаара ауп. Аԥшьаҩы ауаҩы дыцқьаӡам ҳәа рылеиҳәоит. Уи ацәеилабаара ауп. 26 Аԥшьаҩы ашәыта данахәаԥшлак, уи иақәу ахәы шышкәакәам ибар, насгьы уи рацәак иузгәамҭо иҟалазар, ачымазарагьы ауаҩы ицәа иаламлазар, иара уи ачымазаҩ бжьымш ҳәа ауаа дрылигоит. 27 Абыжьбатәи амш азы аԥшьаҩы ачымазаҩ дихәаԥшуеит, ашәыта аҽарҭбаазар, аԥшьаҩы ауаҩы дыцқьаӡам ҳәа рылеиҳәоит. Уи ацәеилабаара ауп. 28 Ашәыта шыҟац иаанхазар, аҽамырҭбаазар, насгьы уи рацәак иузгәамҭо иҟалазар, уи ицәа ахьыблыз аҭыԥ хымжьыжькааит ауп. Аԥшьаҩы ауаҩы дыцқьоуп ҳәа рылеиҳәоит, избанзар уи ицәа ахьыблыз аҭыԥ хымжьыжькааит ауп.

29 Ахаҵа ма аԥҳәыс рхаҿы ма рыцламҳәаҿы ак алҵны имжьыжькыр, 30 аԥшьаҩы уи дахәаԥшуеит. Ачымазара ауаҩы ицәа иалалазар, насгьы уи аҭыԥ аҿы ахәыцқәа ҩежьхазар, иагьмаҷхазар, аԥшьаҩы ауаҩы дыцқьаӡам ҳәа рылеиҳәоит. Уи ахцәы ма аԥаҵа чымазара ауп. Уи ауаҩы ихаҿы ма ицламҳәаҿы ицәырҵыз цәеилабаароуп. 31 Аха аԥшьаҩы ибар ачымазара ауаҩы ицәа ишаламлаз, насгьы уи аҭыԥ аҿы ахәыц еиқәаҵәақәа шыҟам, ачымазаҩ бжьымш ҳәа ауаа дрылигоит. 32 Абыжьбатәи амш азы аԥшьаҩы ауаҩы ихы ма ицламҳәа иалҵыз дахәаԥшуеит. Уи аҽамырҭбаазар, насгьы иақәу ахәыцқәа мҩежьхазар, ачымазарагьы ауаҩы ицәа иаламлазар, 33 ачымазаҩ ихы ма иԥаҵа исароуп, аха иахьымжьыжькыз аҭыԥ даламкьысроуп. Анаҩс аԥшьаҩы уи еиҭа бжьымш ҳәа ауаа дрылигоит.

34 Абыжьбатәи амш азы аԥшьаҩы ашәра ахьалҵыз аҭыԥ дахәаԥшуеит, аԥаҵа ма ахцәы ачымазара аҽамырҭбаазар, ауаҩы ицәагьы иаламлазар, аԥшьаҩы уи ауаҩ дыцқьоуп ҳәа рылеиҳәоит. Иара имаҭәа иӡәӡәоит, дагьыцқьахоит. 35 Аха дыцқьоуп ҳәа данырыԥхьаӡа ашьҭахь ачымазара ицәа иалалар, 36 аԥшьаҩы уи дихәаԥшуеит. Ауаҩы ицәа иалҵыз аҽарҭбаазар, аԥшьаҩы уи иақәу ахәыцқәа ҩежьхама ҳәа дахәаԥшӡом, избанзар уи ауаҩ дыцқьаӡам. 37 Иалҵыз аҽамырҭбаазар, насгьы уи аҭыԥ аҿы ахәыц еиқәаҵәақәа азҳазар, ачымазара цеит. Уи ауаҩ дыцқьоуп, аԥшьаҩы уи дыцқьоуп ҳәа рылеиҳәоит.

38 Ахаҵа ицәа ма аԥҳәыс лцәа аҩаза шкәакәақәа анылар, 39 аԥшьаҩы уи дахәаԥшуеит. Аҩазақәа аарлаҳәа ишкәакәазар, уи ауаҩы ицәа иақәнаԥсо чымазароуп; уи шәарҭаӡам. Уи ауаҩ дыцқьоуп.

40 Ауаҩы ихцәы каԥсазаргьы, уи дыцқьоуп. 41 Ихцәы иаԥхьа ала икаԥсар, насгьы уи аҭыԥ ҟьашӡа иҟалар, уи дыцқьоуп. 42 Ауаҩы ихагәҭа ма илахь ҟьашӡа иахьыҟалаз аҭыԥ аҿы иҟаԥшьы-шкәакәаны ак алҵны имжьыжькыр, уи ауаҩы ихагәҭа ма илахь аҿы ицәырҵыз ацәеилабаара ауп. 43 Аԥшьаҩы ауаҩы дихәаԥшуеит. Уи ихцәы ахькаԥсаз аҭыԥ аҿы ауаҩы ицәа иалҵуа ацәеилабаара иеиԥшу иҟаԥшьы-шкәакәоу ачыра алҵзар, 44 уи ацәеилабаара имоуп. Уи ауаҩ дыцқьаӡам, аԥшьаҩы уи дыцқьаӡам ҳәа рылеиҳәоит, избанзар ихы ацәеилабаара амоуп. 45 Ацәеилабаара змоу ауаҩы имаҭәа ԥыжәжәазароуп, ихцәы еилыжәжәазароуп. Иара иҿы* хҩаны, «сыцқьаӡам, сыцқьаӡам» ҳәа ҿиҭлароуп. 46 Уи дахьынӡачмазаҩу дыцқьаӡам ҳәа дыԥхьаӡазаауеит. Иара дыцқьаӡам азы хазы, алагер анҭыҵ, дынхалароуп.

47 Аилабаара цәырҵыр аласа иалху ма ақәны иалху амаҭәаҿы, 48 ақәны иалху ма аласа иалху аба аурала ма аҭбаарала ицо арахәыцқәа рҿы, ацәаҿы, мамзаргьы ацәа иалху маҭәарк аҿы, 49 ицәиаҵәа-ҩежьу ма ицәыҟаԥшьу аҩаза цәырҵыр амаҭәаҿы, ацәаҿы, аба аурала ма аҭбаарала ицо арахәыцқәа рҿы, мамзаргьы ацәа иалху маҭәарк аҿы, уи амаҭәа ма амаҭәар аилабаара амоуп. Уи аԥшьаҩы ирбатәуп. 50 Аԥшьаҩы уи дахәаԥшуеит, бжьымш ҳәагьы хазы ишьҭеиҵоит. 51 Абыжьбатәи амш азы иара аҩаза дахәаԥшуеит. Аҩаза амаҭәаҿы, аба аурала ма аҭбаарала ицо арахәыцқәа рҿы, мамзаргьы ацәаҿы аҽарҭбаазар (уи рхы иахьадырхәозаалакгьы), уи аилабаара бааԥс ауп. Уи амаҭәа цқьаӡам. 52 Аԥшьаҩы аҩаза знылаз закәызаалакгьы иблыроуп, уи амаҭәа акәзаргьы, аласа ма ақәны иалху аба акәзаргьы, ацәа иалху маҭәарк акәзаргьы, избанзар уи аилабаара бааԥс ауп. Уи амаҭәа былтәуп.

53 Аха аԥшьаҩы амаҭәаҿы, аба аурала ма аҭбаарала ицо арахәыцқәа рҿы, мамзаргьы ацәа иалху амаҭәар аҿы аҩаза аҽшамырҭбааз ибар, 54 уи амаҭәа рыӡәӡәарц реиҳәоит, нас еиҭа бжьымш ҳәа хазы ишьҭеиҵоит. 55 Анаҩс аԥшьаҩы уи дахәаԥшуеит. Амаҭәа анырыӡәӡәа ашьҭахь аҩаза аҽамырҭбаазар, аха ишыҟац иаанхазар, уи амаҭәа цқьаӡам. Ижәблы уи, избанзар аҩныҵҟала ма адәахьала аилабаара амоуп.

56 Аха аԥшьаҩы амаҭәа анырыӡәӡәа ашьҭахь аҩаза еиҳа ишцәышхаз ибар, иара амаҭәа, ацәа, ма аба аҩаза ахьамоу аҭыԥ ԥжәаны иамихуеит. 57 Аха аҩаза амаҭәаҿы, аба аурала ма аҭбаарала ицо арахәыцқәа рҿы, мамзаргьы ацәа иалху амаҭәар аҿы даҽаџьара ицәырҵыр, уи аҽарҭбаауеит ауп, наҟ ибылтәуп. 58 Амаҭәа, аба, мамзаргьы ацәа иалху маҭәарк анырыӡәӡәалак ашьҭахь аҩаза аныҵыр, уи даҽазнык иӡәӡәатәуп, уи ашьҭахь ицқьахоит.

59 Ари аласа ма ақәны иалху амаҭәаҿы, аба аурала ма аҭбаарала ицо арахәыцқәа рҿы, мамзаргьы ацәа иалху амаҭәар аҿы иамоу аилабаара иазку азакәан ауп, урҭ цқьоу-ицқьаму рылаҳәаразы».

14 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Абар ацәеилабаара змаз ауаҩы дыцқьоуп ҳәа анрыларҳәо амш азы изықәныҟәатәу азакәан. Уи ауаҩы аԥшьаҩы дирбатәуп. 3 Аԥшьаҩы алагер аҟынтә дааны, ауаҩы дихәаԥшуеит. Ацәеилабаара цазар, 4 аԥшьаҩы ауаҩы иҽирыцқьарц азы зыԥсы ҭоу ицқьоу ҩ-ҵыски, акедр аҟәырҷахеи, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыци, аиссо́пи ааигарц иеиҳәоит. 5 Аԥшьаҩы аҵарақәа руак аӡыхь зҭоу анышәаԥшь иалху аҟәџьал иахакны иршьырц рыдиҵоит. 6 Анаҩс зыԥсы ҭоу аҵыси, акедр аҟәырҷахеи, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыци, аиссо́пи аӡыхь иахакны иршьыз аҵыс ашьа иӡааишьуеит. 7 Уи ашьҭахь ацәеилабаара аҟынтә зҽызрыцқьо ауаҩы бжьынтә уи ашьа иқәирԥҟҟоит, дыцқьоуп ҳәагьы рылеиҳәоит, нас зыԥсы ҭоу аҵыс алагер анҭыҵ иоуишьҭуеит.

8 Зҽызрыцқьо ауаҩы имаҭәа иӡәӡәоит, ихы исоит, иқәу ахәгьы исоит, иҽиӡәӡәоит, нас дыцқьахоит. Уи ашьҭахь алагер ахь днеир ҟалоит, аха бжьымш иқьала анҭыҵ дынхалароуп. 9 Абыжьбатәи амш азы иара ихи иԥаҵеи исоит, иџьымшьгьы исоит. Иара иқәу ахәы зегь исоит, имаҭәақәа иӡәӡәоит, иҽиӡәӡәоит, дагьыцқьахоит.

10 Зҽызрыцқьо ауаҩы аабатәи амш азы инеигоит гра змам ҩ-ҭыӷь ҿаки, шықәсык еиҳаны изхымҵуа гра змам ауасеи, кәырбанс инарго ача аҳасабала х-гомо́рк* игәӡаны илагоу ахәша злаҭәоу ачашылеи, логк* ахәшеи. 11 Уи дыцқьоуп ҳәа рылазҳәо аԥшьаҩы ауаҩы иааигаз акәырбанқәеи иареи Иегова иҿаԥхьа аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы иргылоит. 12 Аԥшьаҩы аҭыӷь ҿақәа руак логк ахәша надкыланы, ахаразы кәырбанс инеигоит, ирҟьо кәырбанҵасгьы Иегова иҿаԥхьа иҟьоит. 13 Иара уи аҭыӷь ҿа агәнаҳазы кәырбанс, насгьы ирбылуа кәырбанс инарго аԥстәқәа ахьыршьуа аҭыԥ аҿы ишьуеит. Иара уи ашьтәа иԥшьоу аҭыԥ аҿы ишьуеит, избанзар ахаразы акәырбан агәнаҳазы акәырбан еиԥш аԥшьаҩы итәуп. Уи даараӡа иԥшьоу акоуп.

14 Аԥшьаҩы ахаразы кәырбанс инагаз ашьтәа ашьа, зҽызрыцқьо ауаҩы иарӷьа лымҳаҟатареи, иарӷьа нацәкьыс дуи, иарӷьа шьацәкьыс дуи ирхьишьуеит. 15 Аԥшьаҩы логк ахәша аашьҭыхны, иарма напсыргәыҵа маҷк аниҭәалоит. 16 Нас иарӷьа нацәкьыс иарма напсыргәыҵа ианҭәалоу ахәша иӡаашьны, Иегова иҿаԥхьа бжьынтә иҟьоит. 17 Аԥшьаҩы инапсыргәыҵаҿы иаанхаз ахәша зҽызрыцқьо ауаҩы иарӷьа лымҳаҟатареи, иарӷьа нацәкьыс дуи, иарӷьа шьацәкьыс дуи ирхьишьуеит, ахаразы инагаз ашьтәа ашьа ахьахьишьхьаз аҭыԥ аҿы. 18 Уи ашьҭахь аԥшьаҩы инапсыргәыҵаҿы иаанхо ахәша зҽызрыцқьо ауаҩы ихы иахьишьуеит, убасалагьы Иегова иҿаԥхьа дҿихуеит.

19 Аԥшьаҩы агәнаҳазы акәырбан наганы, зҽызрыцқьо ауаҩы дҿихуеит, нас ирбылуа акәырбан азы инагаз ашьтәа ишьуеит. 20 Аԥшьаҩы акәырбаннагарҭаҿы ирбылуа акәырбани кәырбанс инарго ачеи наганы, зҽызрыцқьо ауаҩы дҿихуеит, ауаҩгьы дыцқьахоит.

21 Аха ауаҩы дӷарзар, уиаҟарагьы изнамгозар, ахаразы кәырбанс ҭыӷь ҿак неигааит, ирҟьо кәырбанҵас инаганы ихы ҿихырц азы. Кәырбанс инарго ача аҳасабала е́фак ажәабатәи ахәҭа* игәӡаны илагоу ахәша злаҭәоу ачашыла неигааит, иара убас инеигааит логк ахәшеи, 22 ҩ-ҟәарасаки ма ҩ-ҳәыҳә ҿаки (еиҳа имч зықәхо): ҵыск агәнаҳазы кәырбанс, егьи ирбылуа кәырбанс. 23 Дыцқьоуп ҳәа дыԥхьаӡахарц азы аабатәи амш азы иара урҭ зегьы аԥшьаҩы изнеигароуп. Иара урҭ аиқәшәара ақьала аҩналарҭахь, Иегова иахь, инеигароуп.

24 Аԥшьаҩы ауаҩы ахаразы кәырбанс иааигаз аҭыӷь ҿеи логк ахәшеи аашьҭыхны, Иегова иҿаԥхьа ирҟьо кәырбанҵас иҟьоит. 25 Иара ауаҩы ахаразы кәырбанс иааигаз аҭыӷь ишьуеит, нас уи ашьа зҽызрыцқьо ауаҩы иарӷьа лымҳаҟатареи, иарӷьа нацәкьыс дуи, иарӷьа шьацәкьыс дуи ирхьишьуеит. 26 Аԥшьаҩы иарма напсыргәыҵа ахәша аниҭәалоит, 27 нас иарӷьа нацәкьыс ӡаашьны, Иегова иҿаԥхьа бжьынтә иҟьоит. 28 Инапсыргәыҵаҿы иаанхаз ахәша зҽызрыцқьо ауаҩы иарӷьа лымҳаҟатареи, иарӷьа нацәкьыс дуи, иарӷьа шьацәкьыс дуи ирхьишьуеит, ахаразы инагаз ашьтәа ашьа ахьахьишьхьаз аҭыԥ аҿы. 29 Уи ашьҭахь аԥшьаҩы инапсыргәыҵаҿы иаанхо ахәша зҽызрыцқьо ауаҩы ихы иахьишьуеит, Иегова иҿаԥхьа дҿихырц азы.

30 Иара аҟәарасақәа ма аҳәыҳә ҿақәа (зҽызрыцқьо имч зықәхо) кәырбанс инеигааит — 31 ҵыск агәнаҳазы кәырбанс, егьи ирбылуа кәырбанс — кәырбанс инарго ача иадкыланы. Убасала аԥшьаҩы зҽызрыцқьо ауаҩы Иегова иҿаԥхьа дҿихуеит.

32 Ари ацәеилабаара змаз, аха дыцқьоуп ҳәа анрыларҳәо амш азы инагатәу змам ауаҩы изку азакәан ауп».

33 Анаҩс Иегова Моисеии Ааро́ни ус реиҳәеит: 34 «Ишәысҭо адгьыл ахь, Ханаа́нҟа, шәаннеилак, уа ҩнык аилабаара* асырхьыр, 35 аҩны аԥшәма аԥшьаҩ иҿы днеины абас иеиҳәааит: „Сыҩны чымазарак ахьны иҟоуп“. 36 Аԥшьаҩы аҩны дыҩналаны дахәаԥшаанӡа, уа иҩноу зегь дәылыргарц реиҳәоит, уи зегь цқьаӡам ҳәа рылеимҳәарц азы. Анаҩс аҩны дыҩналаны дахәаԥшуеит. 37 Аԥшьаҩы аҩны дахәаԥшуеит, аҭӡамцқәа рҿы ицәиаҵәа-ҩежьу ма ицәыҟаԥшьу аҩазақәа цәырҵзар, насгьы урҭ аҭӡамц иалалазар, 38 ддәылҵны, бжьымш ҳәа аҩны аиркуеит.

39 Абыжьбатәи амш азы аԥшьаҩы дааны аҩны деиҭахәаԥшуеит. Аҭӡамцқәа рҿы аҩазақәа еиҳахазар, 40 аԥшьаҩы аҩаза знылаз ахаҳәқәа ԥырҽырц, нас иганы ақалақь анҭыҵ, ицқьам аҭыԥ аҿы икарыжьырц реиҳәоит. 41 Иара аҩны зегь аҩныҵҟала ирыӷьӷьарц, насгьы иамырхыз ақалақь анҭыҵ, ицқьам аҭыԥ аҿы икарыԥсарц реиҳәоит. 42 Иԥырҽыз ахаҳәқәа рҭыԥан егьырҭ ахаҳәқәа анҭадыргылалак ашьҭахь, иара аҩны ҿыцны иршьыхырц реиҳәоит.

43 Аҩазақәа знылаз ахаҳәқәа ԥҽны ианамырхлак, аҩнгьы ӷьӷьаны ҿыц ианыршьыхлак ашьҭахь аҩазақәа еиҭа ицәырҵыр, 44 аԥшьаҩы дааины аҩны дахәаԥшуеит. Аҩазақәа еиҳа еиҳахазар, уи аилабаара бааԥс ауп. Уи аҩны цқьаӡам. 45 Иара аҩны дырбгарц, насгьы уи аԥҽыхақәа — ахаҳәқәа, аӷәқәа, аҩны злашьыхыз — ақалақь анҭыҵ, ицқьам аҭыԥ ахь иганы икарыжьырц реиҳәоит. 46 Иадыркыз аҩны иҩналаз хәылбыҽханӡа дыцқьамкәа дыҟазаауеит. 47 Уи аҩнаҿы ицәо ма акрызфо имаҭәа иӡәӡәароуп.

48 Аԥшьаҩы данааилак аҩны ҿыц ианыршьых ашьҭахь аҩазақәа шцәырымҵыз ибар, аҩны цқьоуп ҳәа рылеиҳәоит, избанзар аилабаара цеит. 49 Аҩны агәнаҳа* аҟынтә арыцқьаразы ҩ-ҵыски, акедр аҟәырҷахеи, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыци, аиссо́пи аҭаххоит. 50 Аԥшьаҩы аҵарақәа руак аӡыхь зҭоу, анышәаԥшь иалху аҟәџьал иахакны ишьуеит, 51 анаҩс акедр аҟәырҷахеи, аиссо́пи, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыци, зыԥсы ҭоу аҵыси аӡыхь иахакны иишьыз аҵыс ашьа иӡаашьны, аҩнахьы ирханы бжьынтә иҟьоит. 52 Убасала иара аҵыс ашьеи, аӡыхьи, зыԥсы ҭоу аҵыси, акедр аҟәырҷахеи, иҟаԥшьы-уаркалеиуа арахәыци рыла аҩны агәнаҳа* аҟынтә ирыцқьоит. 53 Уи ашьҭахь иара зыԥсы ҭоу аҵыс ақалақь анҭыҵ иоуишьҭуеит, убасала аҩны ҿихуеит, аҩнгьы цқьахоит.

54 Ари азакәан рызкуп ацәеилабаара ахкқәеи, ауаҩы ихагәҭаҿы ма иԥаҵаҿы ицәырҵуа ашәрақәеи, 55 амаҭәа ма аҩны иаанахәо аилабаареи, 56 ацәабажәқәеи, ачырақәеи, аҩазақәеи, 57 ицқьами ицқьоуи реилкааразы. Ари ацәеилабаареи аилабаареи ирызку закәануп».

15 Анаҩс Иегова Моисеии Ааро́ни ус реиҳәеит: 2 «Абар израильаа ирашәҳәаша: „Ахаҵа иԥхашьара аҟынтә ак аауазар, уи дыцқьамкәа дҟанаҵоит. 3 Иара дыцқьаӡам уи иԥхашьара аҟынтә иаауазаргьы, уа аҽеизнагозаргьы.

4 Уи дзықәио аиарҭа цқьахаӡом, иара убас дзықәтәозаалакгьы цқьахаӡом. 5 Уи ииарҭа иалакьысуа имаҭәа иӡәӡәароуп, иҽиӡәӡәароуп, хәылбыҽханӡагьы дыцқьамкәа даанхоит. 6 Аӡәы уи дзықәтәаз акы дақәтәар, имаҭәа иӡәӡәароуп, иҽиӡәӡәароуп, хәылбыҽханӡагьы дыцқьамкәа даанхоит. 7 Ус еиԥш иҟоу ауаҩы илакьысуа имаҭәа иӡәӡәароуп, иҽиӡәӡәароуп, хәылбыҽханӡагьы дыцқьамкәа даанхоит. 8 Зыԥхашьара аҟынтә ак аауа ауаҩы ицқьоу аӡәы диқәыжьцәар, уи имаҭәа иӡәӡәароуп, иҽиӡәӡәароуп, хәылбыҽханӡагьы дыцқьамкәа даанхоит. 9 Зыԥхашьара аҟынтә ак аауа ауаҩы дзықәтәаз акәадыр цқьахаӡом. 10 Уи иҵаз акы иалакьысуа хәылбыҽханӡа дыцқьамкәа даанхоит, уи иҵаз аашьҭыхны изгогьы имаҭәа иӡәӡәароуп, иҽиӡәӡәароуп, хәылбыҽханӡагьы дыцқьамкәа даанхоит. 11 Зыԥхашьара аҟынтә ак аауа инапы мыӡәӡәаӡакәа дызкьысыз ауаҩы имаҭәа иӡәӡәароуп, иҽиӡәӡәароуп, хәылбыҽханӡагьы дыцқьамкәа даанхоит. 12 Зыԥхашьара аҟынтә ак аауа ауаҩы дызкьысыз ачысмаҭәа анышәаԥшь иалхзар — иԥҽтәуп, амҿы иалхзар — иӡәӡәатәуп.

13 Ауаҩы иԥхашьара аҟынтә иаауаз аара иаҟәыҵзар, дагьыцқьахазар, бжьымш рышьҭахь имаҭәа иӡәӡәароуп, аӡыхь ала иҽиӡәӡәароуп, уи ашьҭахь дыцқьахоит. 14 Аабатәи амш азы ҩ-ҟәарасак ма ҩ-ҳәыҳә ҿак аашьҭыхны, Иегова иҿаԥхьа аиқәшәара ақьала аҩналарҭахь днеиааит, иааигазгьы аԥшьаҩы ииҭааит. 15 Аԥшьаҩы аҵарақәа руак агәнаҳазы кәырбанс инеигоит, егьи — ирбылуа кәырбанс, убасала Иегова иҿаԥхьа ауаҩы ицқьамра аҟынтә дҿихуеит.

16 Ахаҵа ижәлаӡ ҭҟьар, иҽикәабароуп, хәылбыҽханӡагьы дыцқьамкәа даанхоит. 17 Ажәлаӡ зықәҭәаз закәызаалакгьы, амаҭәа акәзаргьы, ацәа иалху маҭәарк акәзаргьы, иӡәӡәатәуп, хәылбыҽханӡагьы ицқьамкәа иаанхоит.

18 Ахаҵа аԥҳәыс длыцышьҭалар, ижәлаӡгьы ҭирҟьар, рҩыџьагьы рҽырыӡәӡәароуп, хәылбыҽханӡагьы ицқьамкәа иаанхоит.

19 Аԥҳәыс аменструациа анлымоу, лшьабара иахҟьаны бжьымш дыцқьамкәа дыҟазаауеит. Уи илылакьысуа хәылбыҽханӡа дыцқьамкәа даанхоит. 20 Аменструациа ахьынӡалымоу, дахьынӡацқьам, дзықәио закәызаалакгьы ицқьахаӡом, дзықәтәогьы цқьахаӡом. 21 Лиарҭа иалакьысуа имаҭәа иӡәӡәароуп, иҽиӡәӡәароуп, хәылбыҽханӡагьы дыцқьамкәа даанхоит. 22 Лара дзықәтәаз акы иалакьысуа ауаҩы имаҭәа иӡәӡәароуп, иҽиӡәӡәароуп, хәылбыҽханӡагьы дыцқьамкәа даанхоит. 23 Аӡәы лара дзықәтәаз аиарҭа, ма дзықәтәаз акы далакьысыр, хәылбыҽханӡа дыцқьамкәа даанхоит. 24 Ахаҵа уи длыцышьҭалар, аменструациа аан илымоу ашьабара иахҟьангьы дыцқьамхар, иара бжьымш дыцқьамкәа дыҟазаауеит, дзықәио аиарҭагьы цқьахаӡом.

25 Аԥҳәыс акыраамҭа дшьабозар, насгьы уи зыхҟьо аменструациа акәымзар, мамзаргьы аменструациа абжьааԥны еиԥш акәымкәа, акыраамҭа илымазар, урҭ амшқәа зегь раан, аменструациа анлымоу еиԥш, дыцқьамкәа дыҟазаауеит. 26 Дахьынӡашьабо дзықәио аиарҭа цқьамкәа иҟалоит, аменструациа анлымоу амшқәа раан еиԥш, дзықәтәогьы цқьахаӡом, аменструациа анлымоу амшқәа раан еиԥш. 27 Урҭ амаҭәарқәа ирылакьысыз дыцқьахаӡом, уи имаҭәа иӡәӡәароуп, иҽиӡәӡәароуп, хәылбыҽханӡагьы дыцқьамкәа даанхоит.

28 Аԥҳәыс ашьабараҟынтә даныцқьахалак ашьҭахь даҽа бжьымш дыԥшааит, нас дыцқьахоит. 29 Аабатәи амш азы ҩ-ҟәарасак ма ҩ-ҳәыҳә ҿак лыманы аиқәшәара ақьала аҩналарҭахь, аԥшьаҩ иахь днеиааит. 30 Аԥшьаҩы аҵарақәа руак агәнаҳазы кәырбанс инеигоит, егьи — ирбылуа кәырбанс, Иегова иҿаԥхьагьы лыцқьамра аҟынтә дҿихуеит.

31 Убасала шәара израильаа амцқьара иацәышәыхьчоит, рымцқьарала рыгәҭа иҟоу иԥшьоу сқьала хәымгарымтәырц, уи иахҟьангьы имԥсырц азы.

32 Ари азакәан рызкуп зыԥхашьара аҟынтә акы аауа ахаҵеи, зыжәлаӡ ҭҟьаз, насгьы уи иахҟьаны ицқьамхаз ахаҵеи, 33 аԥҳәыси, аменструациа иахҟьо лымцқьареи, зыԥхашьара аҟынтә ак ауаа ахаҵеи ма аԥҳәыси, ицқьам аԥҳәыс илыцышьҭало ахаҵеи“».

16 Ааро́н иԥацәа ҩыџьа Иегова иахь иахьнеиз иахҟьаны ианԥсы ашьҭахь, Иегова Моисеи диацәажәеит. 2 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Уашьа Ааро́н иаҳә ианааиҭаххалак аиҩкаагатә ԥарда ашьҭахь иҟоу ауада, аковчег ахьгылоу Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ, дыҩналар шыҟамло. Дыҩналар, дыԥсуеит, избанзар сара аковчег ахҩа аханы иҟоу аԥсҭҳәаҿы сыҟазаауеит.

3 Ааро́н Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ ахь дыҩналаанӡа агәнаҳазы кәырбанс ацәҵыс неигааит, ирбылуа кәырбанс — аҭыӷь. 4 Иара иауу ақәны иалху иԥшьоу ахарԥ ишәиҵааит, иара убас ицәеижь хызҩо, ақәны иалху икьаҿу аиқәа* ишьеиҵааит. Ақәны иалху амаҟа имӷеиҵааит, ақәны иалху атиурбангьы ихеиҵааит. Ари иԥшьоу маҭәоуп. Иҽыӡәӡәаны урҭ ишәиҵааит.

5 Иара израильтәи ажәлар агәнаҳазы кәырбанс абаӷь ҿақәа ҩба рымихааит, ирбылуа кәырбанс ҭыӷьк рымихааит.

6 Ааро́н ацәҵыс игәнаҳазы кәырбанс инеигароуп, ихы ҿихырц азы, иҭаацәарагьы ҿихырц азы.

7 Иара ҩ-баӷьык Иегова иҿаԥхьа, аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы иргылоит. 8 Ааро́н абаӷьқәа рҟынтә Иегова изы иалихуа, насгьы азазе́л* азы иалихуа иӡбарц азы аҵәы ҭеиԥсоит. 9 Ааро́н аҵәы ҭаԥсаны Иегова изы иалихыз абаӷь агәнаҳазы кәырбанс инеигоит. 10 Аҵәы ҭаԥсаны азазе́л азы иалихыз абаӷь аԥсы шҭоу Иегова иҿаԥхьа иргылатәуп, ажәлар рыгәнаҳа рхыххарц, насгьы уи абаӷь азазе́л азы ацәҳәырахь идәықәырҵарц азы.

11 Ааро́н игәнаҳазы кәырбанс инеиго ацә иманы дааины ихгьы ҿихуеит, иҭаацәарагьы ҿихуеит, нас уи ацә ишьуеит.

12 Иара Иегова иҿаԥхьа игылоу акәырбаннагарҭа иақәу ижжаӡа иаку акәицқәа рыла афимиамҭра ирҭәуеит. Нас уи афимиамҭреи игәӡаны иху ҩ-уаԥсҵәык афимиами аашьҭыхны аиҩкаагатә ԥарда ашьҭахь иҟоу ауада, Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ, дыҩналоит. 13 Иара афимиам Иегова иҿаԥхьа амца иақәиҵоит, уи иахылҵуа алҩагьы аиқәшаҳаҭра аковчег ахҩа хнаҩоит, Ааро́н дымԥсырц азы.

14 Иара ацә ашьа аашьҭыхны, инацәкьыс ӡааишьуеит, нас ахҩа аҿаԥхьа, мрагыларахь ала иҟьоит. Иара ашьа иӡааишьыз инацәкьыс ахҩа аҿаԥхьа бжьынтә иҟьоит.

15 Анаҩс ажәлар рыгәнаҳазы инаргаз абаӷь ишьуеит. Нас уи ашьа аиҩкаагатә ԥарда ашьҭахь иҟоу Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ иҩнеигалоит. Иара абаӷь ашьа ацә ашьа еиԥш ахҩа аҿаԥхьа иҟьоит.

16 Ааро́н израильаа ицқьам русқәеи, рыцәгьоурақәеи, рыгәнаҳақәеи аԥшьаҭыԥ иахихуеит. Убасҵәҟьа ҟаиҵароуп зусқәа цқьам ажәлар рыгәҭа иҟоу аиқәшәара ақьала азгьы.

17 Ааро́н агәнаҳақәа рхыхразы Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ даныҩналалак инаркны дыҩныҵаанӡа, аиқәшәара ақьала аӡәгьы дыҩнамлароуп. Иара ихи иҭаацәареи ҿихуеит, иара убас израильтәи ажәлар зегь ҿихуеит.

18 Уи ашьҭахь дыҩныҵны Иегова иҿаԥхьа игылоу акәырбаннагарҭахь днеиуеит, уи агәнаҳа ахихырц азы. Иара ацә ашьеи абаӷь ашьеи аашьҭыхны, акәырбаннагарҭа атәыҩақәа зегьы ирхьишьуеит. 19 Нас инацәкьыс ашьа иӡаашьны, бжьынтә акәырбаннагарҭа иақәирԥҟҟоит, иара уи иԥшьоит, израильаа ицқьам русқәа рҟынтәгьы ирыцқьоит.

20 Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥи, аиқәшәара ақьалеи, акәырбаннагарҭеи агәнаҳа анырхихлак ашьҭахь, иара зыԥсы ҭоу абаӷь ааигоит. 21 Ааро́н инапқәа абаӷь ахы иақәҵаны израильаа рыгхақәеи, рыцәгьоурақәеи, рыгәнаҳақәеи аартны иҳәоит, анаҩс урҭ абаӷь ахы иақәҵаны ацәҳәырахь ишьҭуеит, уи азы иалху ауаҩы ила. 22 Ацәҳәырахь ирышьҭуа абаӷь урҭ рыгәнаҳақәа зегь аманы ицоит.

23 Ааро́н иԥшьоу ақьала дыҩналоит. Иара Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ даныҩналоз ишәиҵаз ақәны цқьа иалху амаҭәа ишәыхны уа иаанижьуеит. 24 Иара иԥшьоу аҭыԥ аҿы иҽыӡәӡәаны имаҭәа ишәиҵоит. Уи ашьҭахь ддәылҵны ирбылуа акәырбан ихазы инеигоит, нас ажәлар рзгьы инеигоит. Убасала ихгьы ҿихуеит, ажәларгьы ҿихуеит. 25 Агәнаҳазы кәырбанс инагаз ашьтәа ашша акәырбаннагарҭаҿы ибылуеит.

26 Азазе́л азы абаӷь ацәҳәырахь изгаз ауаҩы имаҭәа иӡәӡәароуп, иҽиӡәӡәароуп. Уи ашьҭахь алагер ахь дааир илшоит.

27 Агәнаҳазы кәырбанс инаргаз, насгьы агәнаҳа ахыхразы зшьа Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ иҩнаргалаз ацәи абаӷьи алагер анҭыҵ иганы, рцәеи, ркәаци, руаци рблыроуп. 28 Урҭ збылуа имаҭәа иӡәӡәароуп, иҽиӡәӡәароуп, уи ашьҭахь алагер ахь днеир ҟалоит.

29 Абыжьбатәи амза ажәабатәи амш азы шәыгәнаҳақәа шәгәы шышәдырхьуа аашәырԥшла*. Уи аҽны шәусқәа зегь шәырҟәаҵроуп, — шәхаҭагьы, ишәыланхо атәымтәылауаагьы. Ари шәзықәныҟәалаша ԥсахра зқәым ԥҟарахоит. 30 Уи аҽны аԥшьаҩ хада шәыгәнаҳақәа шәхихуеит, шәыцқьахарц азы. Шәара Иегова иҿаԥхьа шәыгәнаҳақәа зегь рҟынтә шәыцқьахоит. 31 Уи шәара шәзы аԥсшьара иазку сабшоуп, шәыгәнаҳақәа шәгәы шышәдырхьуа аашәырԥшла. Ари ԥсахра зқәым ԥҟароуп.

32 Ахәша зыхьшьхо, насгьы иаб ишьҭахь ԥшьаҩыс амаҵ иуларц азы иалххо аԥшьаҩы агәнаҳақәа рхихуеит, насгьы ақәны иалху амаҭәа, иԥшьоу амаҭәа, ишәиҵоит. 33 Иара Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥи, аиқәшәара ақьалеи, акәырбаннагарҭеи агәнаҳа рхихуеит, иара убас аԥшьаҩцәеи израильтәи ажәлари рыгәнаҳа рхихуеит. 34 Шықәсык ахь знык израильаа рыгәнаҳақәа зегь рхышәхла. Ари ԥсахра зқәым ԥҟароуп».

Ааро́н Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш зегь ҟаиҵеит.

17 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Ааро́н иԥацәеи иареи, иара убас израильааи абас раҳә: „Абар Иегова иҳадиҵаз:

3 ‚Израильаа рҟынтә аӡәы ацә, аҭыӷь, ма абаӷь алагер аҿы, ма алагер анҭыҵ ишьыр, 4 ашьакаҭәаразы ахара идлоит, избанзар иара уи аиқәшәара ақьала аҩналарҭахь инаганы, Иегова иԥшьоу иқьала аҿаԥхьа кәырбанс Иегова изнеимгаӡеит. Иара ашьа ахькеиҭәаз азы дышьтәуп. 5 Ари зшәыдысҵо израильаа ашьтәақәа кәырбанс адәаҿы акәымкәа, иԥшьоу ақьала аҩналарҭахь, Иегова иахь, инаргаларц, аԥшьаҩгьы ирҭаларц азоуп. Урҭ аҭынчратә кәырбанҵас Иегова изнагалатәуп. 6 Аԥшьаҩы аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы игылоу Иегова икәырбаннагарҭа ашьа ақәирԥҟҟоит, ашшагьы амца иақәиҵоит, акәырбаннагарҭа аҟынтә алҩа ҩеиларц азы. Ари Иегова игәы иахәо* фҩуп. 7 Дара абаӷьқәа иреиԥшу адемонцәа* уаҳа акәырбанқәа рызнарымгалароуп, иагьрымҵамхырхәалароуп. Ари ишәхылҵуа абиԥарақәеи шәареи шәзықәныҟәалаша ԥсахра зқәым ԥҟароуп‘“.

8 Израильаа абас сызраҳә: „Шәара шәҟынтә аӡәы мамзаргьы ишәыланхо атәымтәылауаҩ ирбылуа акәырбан ма даҽа кәырбанк ааигар, 9 аха ашьтәа аиқәшәара ақьала аҩналарҭахь инеимгар, Иегова кәырбанс изнеигарц азы — дышьтәуп.

10 Израильаа рҟынтә аӡәы, мамзаргьы ишәыланхо атәымтәылауаҩ ашьа ифар, сара уи сиҿагылоит, дагьықәызгоит, 11 избанзар зыԥсы ҭоу зегьы рыԥсҭазаара зку ашьа ауп. Сара уи акәырбаннагарҭа иазыскит, шәхы ҿышәхларц азы. Шәҿызхуа ашьа ауп, избанзар уи ауп аԥсҭазаара зку. 12 Убри азоуп израильаа абас зрасҳәаз: ‚Аӡәымзар-аӡәгьы — шәаргьы, ишәыланхо атәымтәылауаҩгьы — ашьа ифар ҟалаӡом‘.

13 Израильаа рҟынтә аӡәы, мамзаргьы ишәыланхо атәымтәылауаҩ шәарыцара дахьыҟоу зыфара ҟало шәарахк ма ҵыск ишьыр, ашьа ишьҭыроуп, анышә алагьы ихиҩароуп, 14 избанзар зыԥсы ҭоу зегьы рыԥсҭазаара — ршьа ауп. Аԥсҭазаара зку ашьа ауп. Убри азоуп израильаа абас зрасҳәаз: ‚Зыԥсы ҭоу ашамҭақәа ршьа шәымфан, избанзар зыԥсы ҭоу зегьы рыԥсҭазаара — ршьа ауп. Уи зфо дышьтәуп‘. 15 Шәара шәҟынтә аӡәы, мамзаргьы ишәыланхо атәымтәылауаҩ иԥсыз, мамзаргьы агыгшәыг еимнажәжәаз ԥстәык ифар, имаҭәа иӡәӡәароуп, иҽиӡәӡәароуп, хәылбыҽханӡагьы дыцқьамкәа даанхоит, нас дыцқьахоит. 16 Имаҭәа имыӡәӡәар, иҽагьимыӡәӡәар, игәнаҳазы аҭак ҟаиҵоит“».

18 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Израильаа абас сызраҳә: „Сара Шәынцәа Иегова соуп. 3 Египет шәахьынхоз иҟарҵо ҟашәымҵалан, Ханаа́нҟа шәахьызгогьы уа инхо иҟарҵо ҟашәымҵалан, рҵасқәагьы шәрықәымныҟәалан. 4 Сзакәанқәа нашәыгӡала, сыԥҟарақәагьы шәрықәныҟәала. Сара Шәынцәа Иегова соуп. 5 Сыԥҟарақәеи сзакәанқәеи шәрықәныҟәала; урҭ назыгӡо, урҭ рыбзоурала дынхалоит. Сара Иегова соуп.

6 Шәара шәҟынтә аӡәымзар-аӡәгьы иуа-иҭынха дицышьҭамлароуп. Сара Иегова соуп. 7 Уицышьҭамлан уаб, улыцышьҭамлан уан. Уи уан лоуп, уара уи улыцышьҭалар ҟалаӡом.

8 Улыцышьҭамлан уаб иԥҳәыс. Уи уаб ахьымӡӷ инаргоит.

9 Улыцышьҭамлан уаҳәшьа, уи уаб иԥҳа лакәзаргьы, уан лыԥҳа лакәзаргьы, лара уахьиз аҩнаҿы дизаргьы, даҽа ҩнык аҿы дизаргьы.

10 Улыцышьҭамлан уҷкәын иԥҳа, мамзаргьы уԥҳа лыԥҳа, избанзар уи уара узы ихьымӡӷуп.

11 Улыцышьҭамлан уаб иԥҳәыс лыԥҳа, уи уаб дихылҵзар, избанзар уи уаҳәшьа лоуп.

12 Улыцышьҭамлан уаб иаҳәшьа, избанзар уи уаб иуа гәакьа лоуп.

13 Улыцышьҭамлан уан лаҳәшьа, избанзар уи уан лыуа гәакьа лоуп.

14 Уаб иашьа иԥҳәыс улыцышьҭаланы, уаб иашьа ипату лаумырҟәын, уи уаб иашьа иԥҳәыс лоуп.

15 Улыцышьҭамлан уҭаца. Лара уҷкәын иԥҳәыс лоуп. Уара уи улыцышьҭалар ҟалаӡом.

16 Улыцышьҭамлан уашьа иԥҳәыс, избанзар уи уашьа ахьымӡӷ инаргоит.

17 Урыцышьҭамлан аԥҳәысгьы уи аԥҳәыс лыԥҳагьы, мамзаргьы уи лыҷкәын иԥҳагьы ма лыԥҳа лыԥҳагьы. Урҭ лыуа гәакьацәа роуп. Уи ламысдароуп*.

18 Уԥҳәыс лыԥсы ҭанаҵы лаҳәшьа ԥҳәысс думган, уагьлыцышьҭамлан, избанзар урҭ еиҵашьыцуа иалагоит.

19 Улыцышьҭамлан аԥҳәыс даныцқьам, аменструациа анлымоу.

20 Улыцышьҭамлан иузааигәоу иԥҳәыс, уи уцқьамкәа уҟанаҵоит.

21 Ухәыҷқәа рҟынтә аӡәгьы Моло́х диумҭан*, убасала Унцәа ихьӡ умырцәгьан. Сара Иегова соуп.

22 Аԥҳәыс ушлыцышьҭало еиԥш ахаҵа уицышьҭамлан. Уи хәымгароуп.

23 Ахаҵа арахә дырзымнеилароуп, мамзар дыцқьамкәа дҟалоит. Аԥҳәысгьы арахә дырзымнеилароуп. Анцәа ус имшаӡеит.

24 Абарҭқәа зегь рыла шәыҽхәымгашәымтәын, избанзар наҟ иқәысцо ажәларқәа арҭ ахәымгарақәа рыла рыҽдырхәымгеит, 25 уи адгьылгьы цқьамкәа иҟалеит. Убри аҟынтә уа инхо рыгәнаҳазы рықәнага иақәсыршәоит, иагьықәызгоит. 26 Аха шәара сыԥҟарақәа нашәыгӡала, сзакәанқәагьы шәрықәныҟәала, арҭ ахәымгарақәагьы ҟашәымҵалан — шәаргьы, ишәыланхо атәымтәылауаагьы. 27 Арҭ ахәымгарақәа шәара шәаанӡа ари адгьыл аҿы инхоз ауаа иҟарҵон, уи иахҟьаны адгьыл цқьамкәа иҟалеит. 28 Убасҟан уи адгьыл хәымгазтәуа реиԥш ахара шәыдлаӡом, шәагьықәгахаӡом, уа иқәынхо ажәларқәа шықәгахо еиԥш. 29 Арҭ ахәымгарақәа ҟазҵо дарбанзаалак дышьтәхоит. 30 Сара шәысзыӡырҩла, насгьы шәара шәаанӡа ара инхоз ажәларқәа инарыгӡоз аҵас хәымгақәа нашәмыгӡалан, шәыҽхәымгашәымтәырц азы. Сара Шәынцәа Иегова соуп“».

19 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Израильаа абас сызраҳә: „Шәыԥшьаз, избанзар сара, Шәынцәа Иегова, сыԥшьоуп.

3 Шәани шәаби ҳаҭыр рықәышәҵала*, ссабшақәагьы азгәашәҭала. Сара Шәынцәа Иегова соуп. 4 Акгьы иаԥсам анцәақәа шәрымҵамхырхәалан, ирҭәаны иҟарҵо анцәахәқәагьы ҟашәымҵалан. Сара Шәынцәа Иегова соуп.

5 Иегова аҭынчратә кәырбан изнажәгар шәҭаххар, уи идикылартә еиԥш изнажәга. 6 Инажәго ашьтәа акәац уи аҽынгьы, адырҩаҽынгьы ишәфар ҟалоит, адырхаҽны иаанхо — былтәуп. 7 Аӡәы адырхаҽны иаанхо акәац ифар, Анцәа уи игәаԥхаӡом, акәырбангьы идикылаӡом. 8 Уи зфо игәнаҳазы аҭак ҟаиҵоит, избанзар Иегова изы иԥшьоу хәымгеитәит. Ус ҟазҵо ауаҩы дышьтәуп.

9 Шәыдгьыл аҿы аҽаҩра анҭажәгалало, амхы аҵыхәанӡа иҭашәымгалан, аҽаҩра анҭажәгалалак ашьҭахь ишәцәынхазгьы еизышәымгалан. 10 Ажь анышәҭаауа, жьымжәак аанмыжькәа зегь шәымҭаалан, икаԥсо ажьгьы шәмыҟәшәалан. Урҭ аӷарцәеи атәымтәылауааи рзы иааншәыжь. Сара Шәынцәа Иегова соуп.

11 Шәымӷьычлан, амц шәымҳәалан, гызмалрылагьы шеизымныҟәалан. 12 Амц ҳәаны сыхьӡала шәымқәлан, Шәынцәа ихьӡ шәмырцәгьарц азы. Сара Иегова соуп. 13 Ишәзааигәоу дшәымжьалан, джьаны ма дыршәаны имоу зегь имшәымхын. Аусура ишәыдышәкылаз ауаҩы иџьабаа ахә мшәаӡакәа шьыжьынӡа иааншәмыжьын.

14 Идагәоу ауаҩы дшәымшәилан, илашәу иҿаԥхьагьы дкаҳарц азы акгьы шьҭашәымҵалан. Шәицәшәала Шәынцәа. Сара Иегова соуп.

15 Аусӡбарҭаҿы аӡәы иус анышәыӡбо ииашаны ишәыӡбала. Ари дӷаруп, ари амал имоуп ҳәа ауаа еилышәымхлан. Ишәзааигәоу иус ииашаны ишәыӡбала.

16 Иҟам-ианым ҳәо шәыжәлар шәрыламлан. Ишәзааигәоу иԥсҭазаара* ашәарҭара иҭазыргыло акгьы ҟашәымҵалан*. Сара Иегова соуп.

17 Шәашьа цәымӷс дҟашәымҵан. Ишәзааигәоу игәнаҳазы ахара шәыдымларц азы дахьиашам аартны иашәҳә.

18 Шәшьа жәмулан, шәыжәлар иатәқәоу ргәаӷ шәымклан. Ишәзааигәоу шәхы бзиа ишыжәбо еиԥш бзиа дыжәбала. Сара Иегова соуп.

19 Сзакәанқәа нашәыгӡала. Хкыла еиԥшым аԥстәқәа еиқәшәмырԥалан. Шәымхаҿы хкыла еиԥшым ажәлақәа еицылашәымҵалан, ҩ-хкык арахәыц иалху амаҭәагьы шәшәышәымҵалан.

20 Ахаҵа даҽаӡәы иигараны иҟоу, аха макьана иҿырымхыц, ахақәиҭрагьы змауц амаҵуҩԥҳәыс длыцышьҭалар, уи ус иаанужьыр ҟалаӡом. Аха урҭ ушьыргьы ҟалаӡом, избанзар лара ахақәиҭра лмоуӡацызт. 21 Иара ахаразы кәырбанс аиқәшәара ақьала аҩналарҭахь, Иегова иахь, аҭыӷь неигааит. 22 Аԥшьаҩы уи аҭыӷь ахаразы кәырбанс инаганы, Иегова иҿаԥхьа уи ауаҩы игәнаҳа ҿихуеит, иаргьы иҟаиҵаз агәнаҳа ианажьхоит.

23 Ишәысҭо адгьыл ахь шәаннеилак, ашәыр зҿало ҵлак еиҭашәҳар, уи иҿало ашәыр цқьаӡам, шәалакьысыргьы ҟалаӡом ҳәа шәыԥхьаӡала. Хышықәса уи иҿало шәалакьысыр ҟалаӡом. Уи ашәыр шәфар ҟалаӡом. 24 Аԥшьбатәи ашықәс азы иҿало ашәыр ԥшьоуп ҳәа иԥхьаӡахоит, шәара шәгәырӷьо уи Иегова изнажәгароуп. 25 Ахәбатәи ашықәс азы иҿало ашәыр шәфар ҟалоит, уи ашықәс азы уи аҽаҩра бзиа шәзаанагоит. Сара Шәынцәа Иегова соуп.

26 Ашьа злоу акгьы шәымфан.

Адыргақәа шәрыцкламԥшлан*, амагиагьы шәнапы алашәымкын.

27 Шәаргәҵысҭаҿы шәыхцәы шәымсалан*, шәԥаҵагьы ԥшӡамкәа иҵышәмырффалан*.

28 Иԥсыз ауаҩы изы шәыҽԥышәымҟалан, ататуировкақәагьы ҟашәымҵалан. Сара Иегова соуп.

29 Шәыԥҳа каҳԥыс дҟаҵаны ахьымӡӷ лышәмырган, мамзар акаҳԥцәа шәыдгьыл хәымгартәуеит, шәыдгьылгьы иԥхоушьаша аус ҟьашьқәа рыла иҭәуеит.

30 Ссабшақәа азгәашәҭала, сыԥшьаҭыԥгьы ҳаҭыр ду ақәышәҵала*. Сара Иегова соуп.

31 Аԥсцәа ҳрацәажәоит ҳәа зҳәо шәрышьҭамлан, аԥшыҩцәагьы шәрыдымҵаалалан, урҭ ирыхҟьаны шәыцқьамкәа шәҟамларц азы. Сара Шәынцәа Иегова соуп.

32 Ишлахьоу абырг шәихаҵгылала, аҭаҳмада пату иқәышәҵала. Шәынцәа шәицәшәала*. Сара Иегова соуп.

33 Шәыдгьыл аҿы атәымтәылауаҩ дшәыланхалар, иҽеимкәа шәизымныҟәалан, 34 шәыжәлар иатәу аӡә иеиԥш шәизыҟаз. Шәхы бзиа ишыжәбо еиԥш бзиа дыжәбала, избанзар шәаргьы Египет шәтәымтәылауаан. Сара Шәынцәа Иегова соуп.

35 Акы аура анышәшәо, акы шаҟа акапануа, мамзаргьы акы шаҟа ҭаӡо ангәашәҭо, амц шәымҳәалан. 36 Шәыкапангеи, шәгьыреи, шәе́феи*, шәгини* иашазароуп. Сара Египет шәалызгаз Шәынцәа Иегова соуп. 37 Сыԥҟарақәеи сзакәанқәеи зегьы шәрықәныҟәала. Сара Иегова соуп“».

20 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Израильаа абас сызраҳә: „Израильаа рҟынтә аӡәы ма Израиль инхо атәымтәылауаҩ ихәыҷы Моло́х дииҭар, дышьтәуп. Ажәлар уи ахаҳә дарганы дыршьыроуп. 3 Сара уи ауаҩы сиҿагылоит, дагьысшьуеит, избанзар ихәыҷы Моло́х дииҭеит, иԥшьоу сҭыԥ хәымгеитәит, иԥшьоу сыхьӡгьы ирцәгьеит. 4 Ажәлар уи ауаҩы ихәыҷы Моло́х дахьииҭаз рыла иамбазшәа ҟарҵар, дагьырымшьыр, 5 сара схаҭа уи ауаҩы иҭаацәеи иареи сырҿагылоит, иагьысшьуеит, иара идгыланы Моло́х имҵахырхәозгьы сшьуеит.

6 Аӡәы сара сааныжьны аԥсцәа ирацәажәои аԥшыҩцәеи дрышьҭалар, уи ауаҩ сиҿагылоит, дагьысшьуеит.

7 Шәҽышәыԥшьала, шәыԥшьаз, избанзар сара Шәынцәа Иегова соуп. 8 Сыԥҟарақәа шәрықәныҟәала. Сара шәыԥшьаны шәҟазҵо Иегова соуп.

9 Аӡәы иаб ма иан дишәиир, дышьтәуп. Уи иаб ма иан дишәиит азы иԥсра иара иоуп изхароу.

10 Ахаҵа изааигәоу аӡәы иԥҳәыс длыцышьҭалар, уи аԥҳәысгьы иаргьы шьтәуп. 11 Заб иԥҳәыс илыцышьҭалаз ахаҵа иаб ипату лаирҟәуеит. Урҭ шьтәуп. Рыԥсра дара роуп изхароу. 12 Ахаҵа иҭаца длыцышьҭалар, урҭ шьтәуп. Дара ирықәнагамыз аус ҟарҵеит. Рыԥсра дара роуп изхароу.

13 Ахаҵа аԥҳәыс дышлыцышьҭало еиԥш ахаҵа дицышьҭалар, урҭ рҩыџьагьы ахәымгара ҟарҵеит. Урҭ шьтәуп. Рыԥсра дара роуп изхароу.

14 Ахаҵа аԥҳәысгьы уи лангьы дрыцышьҭалар, уи ламысдароуп*. Иаргьы дбылтәуп, даргьы былтәуп, шәыбжьара аламысдара ыҟамзарц азы.

15 Ахаҵа ԥстәык дазнеир, уи дышьтәуп, аԥстәгьы шьтәуп. 16 Аԥҳәыс аԥстәы дазнеир, аԥҳәысгьы аԥстәгьы шәшьы. Урҭ шьтәуп, рыԥсра дара роуп изхароу.

17 Ахаҵа иаҳәшьа длыцышьҭалар, уи иаб иԥҳа лакәзаргьы, иан лыԥҳа лакәзаргьы, уи хьымӡӷуп. Урҭ ажәлар рыла ишабо ишьтәуп. Иара иаҳәшьа лыпату лаирҟәит, иҟаиҵаз агәнаҳазы аҭак ҟаиҵароуп.

18 Ахаҵа аԥҳәыс аменструациа анлымоу длыцышьҭалар, иаргьы ларгьы шьтәуп, избанзар ашьа пату ақәрымҵаӡеит, уи дара рзы ишыԥшьам аадырԥшит.

19 Шәан лаҳәшьа ма шәаб иаҳәшьа шәлыцышьҭамлан, уи ала шәыуа гәакьа лыпату лашәырҟәуеит. Ус зхы мҩаԥызго рыгәнаҳазы аҭак ҟарҵароуп. 20 Заб иашьа иԥҳәыс илыцышьҭалаз ахаҵа иаб иашьа ипату лаирҟәуеит. Урҭ рҩыџьагьы рыгәнаҳазы аҭак ҟарҵароуп. Урҭ ахшара рмоуӡакәа иԥсуеит. 21 Ахаҵа иашьа иԥҳәыс длыцышьҭалар, уи хәымгароуп, иара иашьа ипату лаирҟәуеит. Урҭ ахшара роуӡом.

22 Сыԥҟарақәеи сзакәанқәеи зегьы шәрықәныҟәала, шәахьызго адгьыл аҟынтә шәықәсымгарц азы. 23 Наҟ иқәысцо ажәларқәа рҵасқәа рҿышәымҵаан, избанзар дара арҭ аус хәымгақәа зегь ахьыҟарҵоз азоуп изысцәымӷхаз. 24 Убри азоуп абас зшәасҳәаз: ‚Ахши ацхеи меигӡарахда иахьыҟоу урҭ рыдгьыл шәара ишәтәхоит, сара уи шәара ишәысҭоит. Сара ажәларқәа зегь рҟынтә шәалызхыз Шәынцәа Иегова соуп‘. 25 Шәара ицқьоу аԥстәқәеи ицқьам аԥстәқәеи еиҩыжәдыраалароуп, иара убас ицқьам аԥсаатәқәеи ицқьоу аԥсаатәқәеи еиҩыжәдыраалароуп, насгьы ицқьаӡам ҳәа исыԥхьаӡаз аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи, егьырҭ ашамҭақәеи* рыла шәыҽхәымгашәымтәлароуп. 26 Шәыԥшьаз сара сзы, избанзар сара, Иегова, сыԥшьоуп, сара шәыстәхарц азгьы егьырҭ ажәларқәа рҟынтә шәалсхуеит.

27 Аԥсцәа срацәажәоит ҳәа зҳәо ауаҩы ма аԥшҩы дышьтәуп, уи дхаҵазаргьы дыԥҳәысзаргьы. Ажәлар урҭ ахаҳә иарганы иршьыроуп. Рыԥсра дара роуп изхароу“».

21 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Ааро́н иԥацәа, аԥшьаҩцәа, абас сызраҳә: „Шәара шәҟынтә аӡәгьы шәыжәлар аҿы иԥсыз ихҟьаны иҽхәымгеимтәроуп. 2 Аха аԥшьаҩы уи ҟаиҵар ҟалоит иуа гәакьа дыԥсыр, иаҳҳәап: иан, иаб, иҷкәын, иԥҳа, иашьа, 3 ма иара иҿы инхоз хаҵа имцацыз иаҳәшьа. 4 Иара ижәлар иатәу аӡәы иԥҳәыс илыхҟьаны иҽхәымгеимтәроуп. 5 Аԥшьаҩцәа рхы рымсалароуп, рԥаҵагьы рымсалароуп, рыҽԥырымҟалароуп. 6 Дара Рынцәа изы иԥшьазароуп, Рынцәа ихьыӡгьы дмырцәгьалароуп, избанзар дара Рынцәа ача изнаргоит — Иегова изы амца иақәҵаны ирбылуа акәырбанқәа. Убри азы дара ԥшьазароуп. 7 Дара ԥҳәысс дрымгароуп акаҳԥы, зцәа ԥырҽыз ма зхаҵа илҵыз аԥҳәыс, избанзар аԥшьаҩы Инцәа изы дыԥшьоуп. 8 Иара шәара шәзы иԥшьоу аӡә иакәзароуп, избанзар Шәынцәа ача изнеигоит. Иара шәара шәзы дыԥшьазароуп, избанзар сара, шәзыԥшьо Иегова, сыԥшьоуп.

9 Аԥшьаҩы иԥҳа дкаҳԥуа лыхьӡ лырцәгьозар, лаб ахьымӡӷ илыргоит. Лара дбылтәуп.

10 Зхы иԥшьоу ахәша ақәҭәоу, насгьы аԥшьаҩцәа рымаҭәа ишәызарц азы зашьцәа рҟынтә иалху аԥшьаҩ хада, ихцәы еилыжәжәа иаанимыжьроуп, имаҭәагьы ишәхаԥимжәароуп. 11 Иара аԥсы иааигәара дымнеироуп, уи иаб иакәзаргьы, иан лакәзаргьы, иҽхәымгеимтәроуп. 12 Иара аԥшьаҭыԥ даԥырымҵроуп, Инцәа иԥшьаҭыԥгьы хәымгеимтәроуп, избанзар иара Анцәа дышизку узырбо адырга имоуп — Инцәа иԥшьоу ихәша ихьшьуп. Сара Иегова соуп.

13 Иара хаҵа имцац аӡӷаб ԥҳәысс дигааит. 14 Иара ԥҳәысс дигар ҟалаӡом аԥҳәысеиба, зхаҵа илҵыз, зцәа ԥырҽыз аԥҳәыс, ма акаҳԥы; иара ижәлар иатәу хаҵа имцац аӡӷаб ԥҳәысс дигааит. 15 Иара ижәлар рыбжьара ишьҭра хәымгеимтәроуп, избанзар сара дзыԥшьо Иегова соуп“».

16 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 17 «Ааро́н абас иаҳә: „Иухылҵуа рҟынтә агра змоу аӡәы Инцәа ача изнеигарц азы иԥшьоу аҭыԥ дазааигәамхароуп. 18 Аԥшьаҭыԥ дазааигәамхароуп агра змоу дарбанзаалак: илашәу, ицыркьу, зԥынҵа рҟьоу, знапқәа ма зшьапқәа еиҟарам, 19 зшьапы ма знапы ԥҵәоу, 20 зыбӷа џьыҟәу, зоура кьаҿу*, абла чымазара змоу, аекзема змоу, аԥсҭҳәысҭра зыхьуа ма зыкәтаӷьқәа ԥхасҭоу. 21 Аԥшьаҩы Ааро́н ишьҭра иатәу агра змоу аӡәы амца иақәҵаны ирбылуа акәырбанқәа Иегова изнеигарц азы аԥшьаҭыԥ дазааигәамхароуп. Иара агра имоуп, убри аҟынтә Инцәа ача изнеигарц азы акәырбаннагарҭа дазааигәахар ҟалаӡом. 22 Иара иԥшьоу, насгьы даараӡа иԥшьоу акәырбанқәа рҟынтә Инцәа ича ифалар ҟалоит, 23 аха аԥардахьы дымнеиааит, скәырбаннагарҭагьы дазааигәамхааит, избанзар иара агра имоуп, сыԥшьаҭыԥгьы хәымгеимтәааит. Сара урҭ* зыԥшьо Иегова соуп“».

24 Моисеи ари Ааро́н иԥацәеи иареи израильааи иреиҳәеит.

22 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Ааро́н иԥацәеи иареи ираҳә израильаа исзаарго иԥшьоу акәырбанқәа иԥацәеи иареи рхы ишадырхәо иацклаԥшларц, иԥшьоу сыхьӡгьы дмырцәгьаларц. Сара Иегова соуп. 3 Урҭ абас раҳә: „Ишәхылҵуа рҟынтә аӡәы дшыцқьам израильаа Иегова изнарго иԥшьоу акәырбанқәа дрылакьысыр, дышьтәуп. Сара Иегова соуп. 4 Ааро́н ишьҭра иатәу дарбанзаалак ацәеилабаара имазар, мамзаргьы иԥхашьара аҟынтә ак аауазар, дыцқьахаанӡа иԥшьоу акәырбанқәа ифар ҟалаӡом. Урҭ ифар ҟалаӡом аԥсы дахьилакьысыз иахҟьаны ицқьамхаз ауаҩы илакьысыз, зыжәлаӡ ҭҟьаз, 5 иара убас ицқьам иссоу шамҭак* иалакьысыз, мамзаргьы даҽа мзызқәак ирыхҟьаны ицқьам ауаҩы илакьысыз. 6 Ицқьам аӡәы илакьысыз ма ицқьам акы иалакьысыз хәылбыҽханӡа дыцқьамкәа даанхоит, иҽиӡәӡәаанӡагьы иԥшьоу акәырбанқәа ифар ҟалаӡом. 7 Амра анҭашәалак ашьҭахь иара дыцқьахоит, иԥшьоу акәырбанқәагьы ифар ҟалоит, избанзар уи ифатә ауп. 8 Уи адагьы, иара иԥсыз ма агыгшәыг еимнажәжәаз аԥстәы ифар ҟалаӡом, уи иахҟьаны дыцқьамхарц азы. Сара Иегова соуп.

9 Аԥшьаҩцәа сыԥҟарақәа нарыгӡалароуп, иԥшьоу акы ахьхәымгартәыз азы агәнаҳа иаҵамларц, насгьы имԥсырц азы. Сара урҭ зыԥшьо Иегова соуп.

10 Атәымуаа* рҟынтә аӡәгьы иԥшьоу акәырбанқәа ифар ҟалаӡом. Аԥшьаҩы сасны иҭоу ишәыланхо атәымтәылауаҩгьы, қьырала идикылаз аусуҩгьы иԥшьоу акәырбанқәа рфар ҟалаӡом. 11 Аха аԥшьаҩы амаҵуҩы дааихәар, уи иԥшьоу акәырбанқәа ифалар ҟалоит, аԥшьаҩы иҩнаҭаҿы ииуа амаҵуцәагьы иара иифо рфалар ҟалоит. 12 Аԥшьаҩы иԥҳа ԥшьаҩыс амаҵ зымуа диццар, иԥшьоу акәырбанқәа лфар ҟалаӡом. 13 Аха лара деибахар, мамзаргьы лхаҵа дилҵыр, ахәыҷқәагьы лмоур, насгьы лаб иҩнахьы дхынҳәны данқәыԥшыз еиԥш уа анхара далагар, лаб иифо лфалар ҟалоит, аха атәымуаҩ уи ифалар ҟалаӡом.

14 Аӡәы агха ихьны иԥшьоу акәырбан ифар, иара иифаз ацымхәра ахәбатәи ахәҭа ацҵаны инаганы аԥшьаҩы ииҭароуп. 15 Аԥшьаҩцәа израильаа Иегова изнарго иԥшьоу акәырбанқәа хәымгарымтәлароуп, 16 насгьы иԥшьоу афатә ахьырфаз азы ахара рыдлартә, уи иахҟьангьы рықәнага иақәшәартә аҟынӡа рхы нарымгароуп. Сара урҭ зыԥшьо Иегова соуп“».

17 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 18 «Ааро́н иԥацәеи иареи израильааи абас сызраҳә: „Израильаа рҟынтә аӡәы, мамзаргьы Израиль инхо атәымтәылауаҩ Иегова ажәа ахьииҭаз азы ирбылуа акәырбан изнеигар иҭаххар, ма уи хатәгәаԥхарала инеигар иҭаххар, 19 уи сыдыскыларц азы агра змам аԥстәы ааигааит: ацә, аҭыӷь ма абаӷь. 20 Агра змоу аԥстәы аашәымган, избанзар Анцәа уи аҩыза акәырбан идикылаӡом.

21 Аӡәы Иегова ажәа ахьииҭаз азы аҭынчратә кәырбан изнеигар иҭаххар, ма хатәгәаԥхарала уи неигар иҭаххар, уи сыдыскыларц азы ашьамаҟа аҟынтә ма аԥсаса аҟынтә гра змам аԥстәы неигааит. Кәырбанс инеиго аԥстәы агра амамзароуп. 22 Илашәу, зшьапы ԥҵәоу, зцәа ԥҟоу, аканҵыҵыра змоу, ахҭабаара чымазара змоу, мамзаргьы аԥсҭҳәысҭра змоу аԥстәқәа Иегова изнашәымгалан, акәырбаннагарҭаҿгьы Иегова изы иқәшәымҵалан. 23 Зшьапқәа еиҟарам ацә ма ауаса хатәгәаԥхарала инарго кәырбанҵас инаргар ҟалоит, аха Анцәа ажәа ахьирҭаз азы инарго кәырбанҵас инаргар ҟалаӡом, Анцәа уи идикылаӡом. 24 Зыкәтаӷьқәа ԥхасҭоу, иҟәаҟәоу, иҿыху ма ихҵәоу аԥстәы Иегова изнашәымгалан. Шәыдгьыл аҿы уи аҩыза аԥстәқәа кәырбанс инашәымгалан. 25 Атәымтәылауаҩ иҟынтәгьы ус еиԥш иҟоу аԥстәқәа шәыдшәымкылалан, Шәынцәа ача еиԥш изнажәгарц азы, избанзар урҭ хәымгоуп, аграгьы рымоуп. Анцәа урҭ идикылаӡом“».

26 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 27 «Аҳәыс, асыс ма аӡыс анилак, бжьымш ан иацзааит, аабатәи амш инаркны кәырбанс инаргар ҟалоит — амца иақәҵаны ирбылуа Иегова изнарго кәырбанс. 28 Ажә аԥеи иареи ма ауаса аԥеи иареи ҽнак еицышәымшьын.

29 Иегова ҭабуп ҳәа иашәҳәарц азы акәырбан нажәгозар, уи идикылартә еиԥш инажәга. 30 Уи убри аҽныҵәҟьа ифатәуп. Шьыжьынӡа акгьы ааншәмыжьын. Сара Иегова соуп.

31 Сыԥҟарақәа шәрықәныҟәала. Сара Иегова соуп. 32 Иԥшьоу сыхьӡ шәмырцәгьалан, израильаа рыбжьара сыԥшьазарц азы. Сара шәзыԥшьо Иегова соуп, 33 Шәынцәа сакәзарц азы Египет шәалызгаз соуп. Сара Иегова соуп».

23 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Израильаа абас раҳә: „Ажәлар ирылашәҳәараны иҟоу есышықәсатәи Иегова иныҳәақәа иԥшьоу еизарақәоуп. Абар есышықәсатәи сныҳәақәа.

3 Фымш аус жәулар шәылшоит, абыжьбатәи амш сабшоуп, аԥсшьара иазку мшуп, иԥшьоу еизароуп. Уи аҽны шәусқәа зегь шәырҟәаҵроуп. Уи Иегова изку сабшоуп. Шәахьынхозаалакгьы ари азакәан шәықәныҟәала.

4 Абар есышықәса иазгәашәҭалаша Иегова изку аныҳәақәа, иԥшьоу аизарақәа. Шәара урҭ ирзалху аамҭазы ажәлар ирылашәҳәалароуп. 5 Актәи амза ажәиԥшьтәи амш азы, аилашәшәымҭаз*, Иегова изку Мшаԥныҳәоуп.

6 Уи амза ажәохәтәи амш Иегова изку Арҵәыга злам ача аныҳәа ауп. Бжьымш арҵәыга злам ача шәфала. 7 Актәи амш азы Анцәа шәимҵахырхәарц азы шәеизоит, уи иԥшьоу еизарахоит. Уи аҽны аус хьанҭақәа рынагӡара ҟалаӡом. 8 Бжьымш Иегова ирбылуа акәырбан изнажәгала. Абыжьбатәи амш азы Анцәа шәимҵахырхәарц шәеизоит, уи иԥшьоу еизарахоит. Уи аҽны аус хьанҭақәа рынагӡара ҟалаӡом“».

9 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 10 «Израильаа абас сызраҳә: „Ишәысҭо адгьыл ахь шәаннеилак, уа аҽаҩра анҭажәгало, раԥхьатәи аҿаҳәара аԥшьаҩы изнажәг. 11 Иара уи аҿаҳәара Иегова иҿаԥхьа иҟьоит, Анцәа дышәзыразхарц азы. Аԥшьаҩы уи иҟьароуп асабша иашьҭанеиуа амш азы. 12 Аҿаҳәара аниҟьо амш аҽны шықәсык еиҳам гра змам аҭыӷь ирбылуа кәырбанс Иегова изнажәг. 13 Уи иадкыланы кәырбанс ача нажәгароуп, ахәша злаҭәоу игәӡаны илагоу ачашыла ҩ-е́фак ажәабатәи ахәҭа*, уи амца иақәҵаны ирбылуа Иегова изнарго кәырбанҵас инажәгароуп. Уи Анцәа игәы иахәо* фҩуп. Иара убас уи иадкыланы гинк аԥшьбатәи ахәҭа* аҩы кәырбанс инагатәуп. 14 Шәынцәа акәырбан изнажәгаанӡа арыц ҿа шәфар ҟалаӡом, ишаӡоу акәзаргьы, иӡны акәзаргьы, ача алхны акәзаргьы. Ари ишәхылҵуа абиԥарақәеи шәареи шәахьынхозаалакгьы шәзықәныҟәалаша ԥсахра зқәым ԥҟароуп.

15 Аҿаҳәара ирҟьо кәырбанҵас ианнажәгалак ашьҭахь, асабша иашьҭанеиуа амш ашьҭахь, быжь-сабшак, бжьымчыбжьа шәыԥхьаӡа. 16 Абыжьбатәи асабша иашьҭанеиуа амш аҟынӡа 50 мшы шәыԥхьаӡа, уи амш азы Иегова ача ҿа кәырбанс изнажәг. 17 Шәынхарҭа ҭыԥқәа рҟынтә ирҟьо кәырбанҵас ҩ-чак нажәг. Урҭ игәӡаны илагоу ачашыла ҩ-е́фак ажәабатәи ахәҭа иалхны иӡтәуп. Уи Иегова изнарго раԥхьатәи аҽаҩра еиԥш арҵәыга аҭаны иҟаҵазароуп. 18 Уи ача иадкыланы инажәг шықәсык зхыҵуа гра змам быжь-сыски, цәҵыски, ҩ-ҭыӷьки. Урҭ кәырбанс инарго ачеи аҩи ирыдкыланы инагатәу, Иегова изы ирбылуа, амца иақәҵаны ирбылуа, Иегова игәы иахәо афҩы зхылҵуа кәырбанхоит. 19 Иара убас агәнаҳазы кәырбанс баӷь ҿак нажәг, аҭынчратә кәырбанс — шықәсык зхыҵуа ҩ-сыск. 20 Аԥшьаҩы асарақәеи раԥхьатәи аҽаҩра иалху ачеи Иегова иҿаԥхьа ирҟьо кәырбанҵас инеигоит. Уи Иегова изы даараӡа иԥшьоу ак акәхоит, аԥшьаҩгьы итәхоит. 21 Уи амш азы ажәлар еизыжәга, уи иԥшьоу еизарахоит. Уи аҽны аус хьанҭақәа рынагӡара ҟалаӡом. Ари ишәхылҵуа абиԥарақәеи шәареи шәахьынхозаалакгьы шәзықәныҟәалаша ԥсахра зқәым ԥҟароуп.

22 Шәымхаҿы аҽаҩра анҭажәгалало, амхы аҵыхәанӡа иҭашәымгалан, аҽаҩра анҭажәгалалак ашьҭахь ишәцәынхазгьы еизышәымгалан. Уи аӷарцәеи атәымтәылауааи рзы иааншәыжь. Сара Шәынцәа Иегова соуп“».

23 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 24 «Израильаа абас раҳә: „Абыжьбатәи амза актәи амш азы шәусқәа зегь шәырҟәаҵроуп, уи аԥсшьара иазку мшхоит. Уи аҽны абыкь шәасла, уи амш Анцәа шәимҵахырхәаларц азы шәанеизо иԥшьоу амш шакәу шәхамышҭларц азы. 25 Уи аҽны аус хьанҭақәа рынагӡара ҟалаӡом. Шәара Иегова амца иақәҵаны ирбылуа акәырбан изнажәгароуп“».

26 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 27 «Абыжьбатәи амза ажәабатәи амш азы Агәнаҳақәа рхыхра амш азгәашәҭала. Уи аҽны Анцәа шәимҵахырхәарц азы шәеиза, уи иԥшьоу еизарахоит. Шәыгәнаҳақәагьы шәгәы шышәдырхьуа аашәырԥшла*, насгьы Иегова ирбылуа акәырбан изнажәгала. 28 Уи аҽны шәусқәа зегь шәырҟәаҵроуп, избанзар уи агәнаҳақәа рхыхра иамшуп, Шәынцәа Иегова иҿаԥхьа шәыгәнаҳақәа анышәхыхтәу мшуп. 29 Уи амш азы аӡәы игәнаҳақәа игәы шидырхьуа ааимырԥшыр*, дышьтәуп. 30 Сара уи аҽны аус зуз дысшьуеит. 31 Уи аҽны аусура ҟалаӡом. Ари ишәхылҵуа абиԥарақәеи шәареи шәзықәныҟәалаша ԥсахра зқәым ԥҟароуп. 32 Уи сабшоуп, аԥсшьара иазку мшуп. Амза ажәбатәи амш азы ахәылбыҽха шәыгәнаҳақәа шәгәы шышәдырхьуа аашәырԥшы. Ахәылбыҽха инаркны иааиуа хәылбыҽханӡа асабша азгәашәҭала».

33 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 34 «Израильаа абас сызраҳә: „Абыжьбатәи амза ажәохәтәи амш азы Иегова изку Ақьалақәа рныҳәа алагоит. Уи бжьымш иазгәашәҭалоит. 35 Актәи амш азы Анцәа шәимҵахырхәарц шәеизоит, уи иԥшьоу еизарахоит. Уи амш азы аус хьанҭа анагӡара ҟалаӡом. 36 Бжьымш Иегова амца иақәҵаны ирбылуа акәырбан изнажәгала. Аабатәи амш азы Анцәа шәимҵахырхәарц шәеизоит, уи иԥшьоу еизарахоит, уи амш азгьы Иегова амца иақәҵаны ирбылуа акәырбан изнажәгароуп. Уи иҷыдоу еизарахоит. Уи амш азы аус хьанҭа анагӡара ҟалаӡом.

37 Ари есышықәса иазгәашәҭалаша, иԥшьоу еизарақәаны ажәлар ирылашәҳәалаша Иегова изку ныҳәақәоуп. Урҭ аныҳәақәа раан шәара Иегова амца иақәҵаны ирбылуа акәырбан изнажәгалароуп: ирбылуа акәырбани, кәырбанс инарго ачеи аҩи, амш иазалху акәырбан зеиԥшроу еиԥш. 38 Урҭ акәырбанқәа нажәгалароуп Иегова изку асабша мшқәа рзы инажәгало акәырбанқәеи, ҳамҭас инажәгало акәырбанқәеи, Анцәа ажәа ахьишәҭаз азы инажәгало акәырбанқәеи, хатәгәаԥхарала Иегова изнажәгало акәырбанқәеи инарыцҵаны. 39 Абыжьбатәи амза ажәохәтәи амш азы аҽаҩра анҭажәгалалак ашьҭахь бжьымш Иегова изку аныҳәа азгәашәҭала. Актәи амш — аԥсшьара иазку мшхоит, аабатәи амшгьы — аԥсшьара иазку мшхоит. 40 Актәи амш азы иреиӷьу ашәырҵлақәа ршәыри, апальмақәа рымахәҭақәеи, абыӷьқәа змоу аҵлақәа рымахәҭақәеи, арха изызҳауа аӷшҵлақәа* рымахәҭақәеи аашьҭыхны, бжьымш Шәынцәа Иегова иҿаԥхьа шәгәырӷьала. 41 Иегова изку ари аныҳәа есышықәса иазгәашәҭала. Уи абыжьбатәи амзазы бжьымш иазгәашәҭала. Ари ишәхылҵуа абиԥарақәеи шәареи шәзықәныҟәалаша ԥсахра зқәым ԥҟароуп. 42 Бжьымш ақьалақәа рҿы шәынхала. Израильаа зегьы ақьалақәа рҿы инхалароуп, 43 ишәхылҵуа ирдыруазарц израильаа Египет ианалызгоз, ақьалақәа рҿы ишынсырхаз. Сара Шәынцәа Иегова соуп“».

44 Моисеи израильаа есышықәса иазгәарҭалаша Иегова изку аныҳәақәа ртәы рзеиҭеиҳәеит.

24 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Израильаа ираҳә алашарбагазы амаслинахәша цқьа узнаргаларц, алашарбага еснагь иаркызарц азы. 3 Ааро́н аиқәшәара ақьалаҿы аиқәшаҳаҭра аковчег ахьыҟоу икнаҳау аԥарда аҿаԥхьа*, Иегова иҿаԥхьа, алашарбага ахәылбыҽха инаркны шьыжьынӡа еснагь иаркызарц дахылаԥшлоит. Ари ишәхылҵуа абиԥарақәеи шәареи шәзықәныҟәалаша ԥсахра зқәым ԥҟароуп. 4 Иара еснагь Иегова иҿаԥхьа ахьы цқьа иалху алашарбага дахылаԥшлоит.

5 Игәӡаны илагоу ачашыла аашьҭыхны 12 чарҳәы ӡы, чарҳәык — ҩ-е́фак ажәабатәи ахәҭа* ачашыла иалхзароуп. 6 Урҭ Иегова иҿаԥхьа фба-фбала еиқәҵаны ахьы цқьа иалху астол иқәҵа. 7 Фба-фбала еиқәу ачарҳәқәа аладан цқьа рықәҵа, уи Иегова изнарго амца иақәҵаны ирбылуа ача аанарԥшлоит. 8 Ача Иегова иҿаԥхьа ессабша иқәҵалатәуп. Ари израильааи сареи иҳабжьоу ԥсахра зқәым еиқәшаҳаҭроуп. 9 Уи Ааро́н иԥацәеи иареи иртәызаауеит. Дара уи иԥшьоу аҭыԥ аҿы ирфалоит, избанзар уи амца иақәҵаны ирбылуа Иегова изнарго акәырбанқәа рҟынтә аԥшьаҩ изы даараӡа иԥшьоу акоуп. Ари ԥсахра зқәым ԥҟароуп».

10 Израильаа рыбжьара дыҟан зан израильтәи ажәлар иатәыз, заб египеттәи ажәлар иатәыз ҷкәынак. Иара алагер аҿы Израиль иатәыз аӡәы ипҟара далагеит. 11 Израильтәи аԥҳәыс лыҷкәын Анцәа ихьӡ аларҟәра, ашәира далагеит, убри аҟынтә уи Моисеи иахь дыргеит. (Иан Шеломи́т лыхьӡын, лара Дан ишьҭра иатәыз Ди́ври иԥҳа лакәын.) 12 Уи Иегова ииӡбо еилкаахаанӡа дыкны дрыман.

13 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 14 «Сыхьӡ зшәиуаз алагер далыжәга, ииҳәоз заҳауаз зегьы рнапқәа ихы иақәырҵааит, нас израильаа зегьы ахаҳә дарганы дыршьааит. 15 Уара израильаа абас сызраҳә: „Зынцәа дызшәиуа игәнаҳазы аҭак ҟаиҵоит. 16 Иегова ихьӡ лазырҟәуа — дышьтәуп. Ажәлар уи ахаҳә дарганы дыршьыроуп. Атәымтәылауаҩ ма Израиль иатәу аӡәы Анцәа ихьӡ лаирҟәуазар, дышьтәуп.

17 Аӡәы ауаҩы дишьыр, иаргьы дышьтәуп. 18 Аҩнатә ԥстәы зшьыз иакәзар, иишьыз ацымхәра ааганы изтәыз ииҭароуп. 19 Аӡәы изааигәоу грак изҭо ак изиур, иаргьы убасҵәҟьа изутәуп. 20 Ибаҩ ԥиҵәар, ибаҩ ԥҵәатәуп, ибла ҭихыр, ибла ҭыхтәуп, ихаԥыц ыҵихыр, ихаԥыц ыҵхтәуп, изааигәоу изиуз аҩыза иаргьы изутәуп. 21 Аԥстәы зшьыз иишьыз ацымхәра ааигароуп, ауаҩы дызшьыз — дышьтәуп.

22 Шәара израильаа рзгьы ишәыланхо атәымтәылауаа рзгьы закәанк ауп ишәымазар ахәҭоу. Сара Шәынцәа Иегова соуп“».

23 Моисеи ари зегь израильаа ирзеиҭеиҳәеит. Урҭ Анцәа ихьӡ зшәиуаз алагер далганы, ахаҳә дарганы дыршьит. Дара Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш зегь ҟарҵеит.

25 Иегова Синаи ашьхаҿы Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Израильаа абас раҳә: „Ишәысҭо адгьыл ахь шәаннеилак, адгьыл аԥсы ашәыршьалароуп, убасала Иегова изку асабша азгәашәҭалароуп. 3 Фышықәса амхқәа лашәҵала, аӡахәақәа еилышәхла, аҽаҩрагьы ҭажәгалала. 4 Абыжьбатәи ашықәс — сабшоуп, адгьыл аԥсы анаршьатәу шықәсуп, Иегова изку сабшоуп. Амхқәа лашәымҵан, аӡахәақәагьы еилышәымхын. 5 Аҽаҩра анҭажәгалалак ашьҭахь инхаз арыцқәа рҟынтә зхала изызҳаз ҭашәымгалан, еилыхым аӡахәа аҟынтәгьы ажь шәымҭаан. Уи ашықәс адгьыл аԥсы аныршьатәу шықәсуп. 6 Аха адгьыл аԥсы анашьо асабшазы зхала изызҳаз аҽаҩра шәфар ҟалоит — шәаргьы, шәмаҵуцәагьы, уи дхаҵазаргьы дыԥҳәысзаргьы, қьырала ишәыдышәкылаз аусуцәагьы, шәыбжьара инхо атәымтәылауаагьы, 7 шәырахәгьы, шәыдгьыл аҿы иҟоу ашәарахгьы. Зхала изызҳаз зегьы афара ҟалоит.

8 Ишәыԥхьаӡа быжь-сабша шықәсак, бжьынтә быжьба-быжьба шықәса, иааизакны 49 шықәса. 9 Абыжьбатәи амза ажәабатәи амш аҽны абыкь абжьы рдуны ишәырга. Агәнаҳақәа рхыхра амш аҽны абыкь абжьы шәыдгьыл зегь иахыҵәароуп. 10 Ишәыԥшьа 50-тәи ашықәс, насгьы шәыдгьыл аҿы инхо зегьы ахақәиҭра рылашәҳәа. Уи шәара шәзы ахақәиҭра* иашықәсхоит. Дасу инхарҭа ҭыԥ ахь, иҭаацәарахь дхынҳәааит. 11 50-тәи ашықәс шәара шәзы ахақәиҭра иашықәсзааит. Уи ашықәс азы акгьы лашәымҵан, икашәаз арыцқәа рҟынтә изызҳауагьы ҭашәымгалан, еилыхым аӡахәа аҟынтәгьы ажь шәымҭаан. 12 Уи ахақәиҭра иашықәсуп. Шәара шәзы уи ашықәс ԥшьазароуп. Уи ашықәс азы ишәфалар иҟало зхала изызҳаз аҽаҩра ауп.

13 Ахақәиҭра ашықәс азы дасу инхарҭа ҭыԥ ахь дхынҳәыроуп. 14 Ишәзааигәоу аӡәы акы анизышәҭило, мамзаргьы иара иҿы акы анаашәхәало, феидак алызгоит ҳәа иҽеимкәа шәизымныҟәалан. 15 Адгьыл анаашәхәало, ахақәиҭра ашықәс инаркны шаҟа шықәса цаз ԥхьаӡаны иаашәхәала, ианышәҭилогьы шаҟа шықәса аҽаҩра ҭаугалалар ҟало ԥхьаӡаны ишәҭила. 16 Ахақәиҭра ашықәс аҟынӡа инхаз ашықәсқәа рацәазар, ахә иацышәҵар шәылшоит, инхаз ашықәсқәа маҷзар, иагшәырхар шәылшоит, избанзар ишәҭиуа урҭ ашықәсқәа рзы адгьыл иаанаго аҽаҩра ауп. 17 Феидак шәоурц азы ишәзааигәоу ииашамкәа шәизымныҟәалан. Шәицәшәала Шәынцәа. Сара Шәынцәа Иегова соуп. 18 Сыԥҟарақәа шәрықәныҟәалар, сзакәанқәагьы нашәыгӡалар, ари адгьыл аҿы ҭынч, акгьы шәацәымшәо шәынхалоит. 19 Адгьыл аҽаҩра шәзаанагалоит, шәызхарагьы шәфалоит, шәара ҭынч, акгьы шәацәымшәо шәынхалоит.

20 Аха ‚иаҳфалозеи абыжьбатәи ашықәс азы, ҳлаҵаргьы аныҟамло, аҽаҩра ҭаҳгаларгьы аныҟамло?‘ ҳәа шәҵаар, 21 ижәдыруаз сара афбатәи ашықәс азы сышшәықәныҳәо, адгьылгьы хышықәса ишәызхаша аҽаҩра шәнаҭартә еиԥш ишыҟасҵо. 22 Аабатәи ашықәс азы шәара алаҵара шәалагоит, аха ажәбатәи ашықәс аҟынӡа афбатәи ашықәс азы иҭажәгалаз аҽаҩра шәфалоит. Шәара уи шәфалоит ажәбатәи ашықәс азы ишәоуа аҽаҩра ҭажәгалаанӡа.

23 Адгьыл наунагӡа ҳәа ишәҭиир ҟалаӡом, избанзар адгьыл зтәу сара соуп. Сара сзы шәара шәтәымтәылауаауп, насгьы атәымтәыла аҟынтә иааны инхо шәоуп. 24 Шәызқәынхо адгьыл аҿы дарбанзаалак идгьыл ахә ахшәааны аҿыхра азин имазароуп.

25 Шәашьа дӷархар, уи иахҟьангьы имазара ахәҭак иҭиир, иуа гәакьа дааины, иашьа ииҭииз ҿихааит. 26 Ауаҩы дҿызхуа ауа гәакьа димамзар, аха ихаҭа дбеиахар, имазара злаҿихуа аԥарагьы иоур, 27 адгьыл аниҭииз ашықәс инаркны шаҟа шықәса цаз иԥхьаӡароуп, нас ахақәиҭра ашықәс аҟынӡа шаҟа шықәса аанхаз ԥхьаӡаны, идгьыл аазхәаз иԥара ирхынҳәроуп. Уи ашьҭахь иара идгьыл ахь дхынҳәыр илшоит.

28 Аха идгьыл злаҿихша аԥара имоур, ииҭииз ахақәиҭра ашықәс аҟынӡа иаазхәаз иҿы иаанхоит. Ахақәиҭра ашықәс азы иара идгьыл изырхынҳәхоит, инхарҭахьгьы дхынҳәуеит.

29 Аӡәы аҭӡамцқәа зкәыршоу ақалақь аҿы аҩны иҭиир, ианиҭи инаркны шықәсык аҩныҵҟа иҿихыр илшоит. Шықәсык аҩныҵҟа аҿыхра азин имоуп. 30 Аха аҭӡамцқәа зкәыршоу ақалақь аҿы ииҭииз аҩны шықәсык аҩныҵҟа иҿимхыр, уи иаазхәаз иҿы наӡаӡа иаанхоит, ихылҵқәогьы иртәхоит. Уи ахақәиҭра ашықәс азы изтәыз иахь ихынҳәӡом. 31 Аха аҩны аҭӡамцқәа ахьыҟам ақыҭаҿы игылазар, адәы иахәҭаку акеиԥш иԥхьаӡазароуп. Уи зтәу ианааиҭаххалак иҿихыр илшоит, ахақәиҭра ашықәс азгьы иара изырхынҳәхоит.

32 Алевитцәа ақалақьқәа рҿы ирымоу аҩнқәа ракәзар, урҭ ианаарҭаххалак иҿырхлар рылшоит. 33 Алевит алевитцәа рықалақь аҿы имаз аҩны изҿымхыр, ииҭихьаз аҩны ахақәиҭра ашықәс азы иара иахь ихынҳәуеит, избанзар израильаа рыбжьара алевитцәа рықалақьқәа рҿы иҟоу аҩнқәа зтәу дара роуп. 34 Рықалақьқәа иаарыкәыршаны иҟоу аҳәырҭақәагьы рыҭира ҟалаӡом, избанзар урҭ наӡаӡа дара иртәуп.

35 Шәааигәара инхо шәашьа дӷархар, ихы изныҟәымгогьы дҟалар, атәымтәылауаҩи атәымтәыла аҟынтә иааны ишәыланхои шәышрыцхраарыз еиԥш шәицхраа, шәашьа анаҩсгьы шәааигәара дынхаларц азы. 36 Апроцентқәа имшәымхлан, феидак шәоурц азгьы ииашамкәа шәизымныҟәалан. Шәицәшәала Шәынцәа. Шәашьа шәааигәара дынхалааит. 37 Аԥара процентла ишәымҭалан, афатәгьы ак схашәалоит ҳәа ишәымҭалан. 38 Сара ханаантәи адгьыл шәысҭарц, насгьы Шәынцәа сакәзарц азы Египет шәалызгаз Шәынцәа Иегова соуп.

39 Шәааигәара инхо шәашьа дӷархар, ихгьы шәааирхәар, маҵуҩык иеиԥш аус ишәмырулан. 40 Уи қьырала ишәыдышәкыло аусуҩи атәымтәыла аҟынтә иааны ишәыланхо ауаҩи шәышрызныҟәо еиԥш шәизныҟәалароуп. Ахақәиҭра ашықәс аҟынӡа шәара шәҿы аус иулааит, 41 уи ашьҭахь ихәыҷқәа иманы дцоит, иҭаацәа рахьгьы дхынҳәуеит. Иара иабацәеи иабдуцәеи рынхарҭа ҭыԥ ахь дхынҳәааит, 42 избанзар израильаа Египет иалызгаз смаҵуцәа роуп. Урҭ маҵуцәас рхы рҭиир ҟалаӡом. 43 Шәашьцәа шәмыргәаҟлан. Шәицәшәала Шәынцәа. 44 Хаҵак ма ԥҳәыск маҵуҩыс дыжәгар шәҭахызар, егьырҭ ажәларқәа рҟынтә дыжәга. Амаҵуцәа егьырҭ ажәларқәа рҿы иаашәхәалар ҟалоит. 45 Иара убас маҵуцәас иаашәхәалар ҟалоит атәымтәыла аҟынтә иааны ишәыланхо ауааи шәыдгьыл аҿы урҭ ирхылҵыз ахәыҷқәеи. Урҭ шәара ишәтәхоит. 46 Урҭ шәԥацәа иртәхарц азы ирышәҭала, даргьы наӡаӡа шәмаҵуцәа ракәзаауеит, шәара ишәтәызаауеит. Аха шәашьцәа, израильаа, шәмыргәаҟлан.

47 Ишәыланхо атәымтәылауаҩ дбеиахар, аха уи иааигәара инхо шәашьа дӷарханы, атәымтәылауаҩ ма уи иҭаацәара иатәу аӡәы ихы иааирхәар, 48 зхы зҭииз ихы аҿыхра азин имоуп. Уи дҿихыр илшоит иашьцәа руаӡәк, 49 иаб иашьа, иаб иашьа иҷкәын, ма иуа гәакьак, иҭаацәара иатәу аӡәы.

Мамзаргьы ихаҭа ихы ҿихыр илшоит, дбеиахар. 50 Даазхәази иареи ихы аниҭии инаркны ахақәиҭра ашықәс аҟынӡа шаҟа шықәса цаз рыԥхьаӡааит, урҭ ашықәсқәа рхыԥхьаӡара инақәыршәангьы ахә шьақәдыргылааит. Урҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа иибаз аџьабаа қьырала ирыдыркыло аусуҩы иџьабаа иақәу ахә иаҟарахоит. 51 Ахақәиҭра ашықәс аҟынӡа инхаз ашықәсқәа рацәазар, ихы ҿихырц азы инхаз ашықәсқәа инарықәыршәаны ахә ишәароуп. 52 Ахақәиҭра ашықәс аҟынӡа инхаз ашықәсқәа маҷзар, ихы злаҿихуа ахә ԥхьаӡаны, инхаз ашықәсқәа инарықәыршәаны ишәааит. 53 Даазхәаз иҿы дахьынӡаҟоу қьырала ирыдыркыло аусуҩ иеиԥш аус иулароуп. Уи иргәаҟра ҟалаӡом. 54 Аха абасала ихы изҿымхыр, ахақәиҭра ашықәс аан ахақәиҭра иоуеит, иаргьы, ихәыҷқәагьы.

55 Избанзар израильаа смаҵуцәа роуп. Урҭ Египет иалызгаз смаҵуцәа роуп. Сара Шәынцәа Иегова соуп.

26 Иҟашәымҵалан акгьы иаԥсам анцәақәа, иқәшәмыргылалан аидолқәа ма иԥшьоу ашьаҟақәа, шәыдгьыл аҿы ахаҳә иалхны абаҟақәагьы ҟашәымҵалан, шәрымҵахырхәаларц азы. Сара Шәынцәа Иегова соуп. 2 Ссабшақәа азгәашәҭала, сыԥшьаҭыԥгьы ҳаҭыр ақәышәҵала. Сара Иегова соуп.

3 Шәара сзакәанқәа нашәыгӡалар, сыԥҟарақәагьы шәрықәныҟәалар, 4 ианаамҭоу ақәа шәзыласышьҭлоит, усҟан адгьыл аҽаҩра шәнаҭалоит, аҵлақәагьы ашәыр рҿалалоит. 5 Шәара ажь аҭаара шәалагаанӡа ачарыц шәҭәаҭәалоит, алаҵара шәалагаанӡагьы ажь шәҭаалоит. Шәызхара ача шәфалоит, шәыдгьыл аҿгьы ҭынч, акгьы шәацәымшәаӡакәа шәынхалоит. 6 Сара уи адгьыл аҿы аҭынчра шәысҭоит. Уахынла шәанышьҭало, ҭынч акгьы шәацәымшәаӡакәа шәыцәазаауеит. Шәыдгьыл аҟынтә агыгшәыгқәа ықәысцоит, аҳәа кны аӡә дақәларгьы зуӡом. 7 Шәара шәаӷацәа шәрышьҭашәарыцалоит, аҳәа алагьы иҭашәырхоит. 8 Шәара шәҟынтә хәҩык шәҩык ирышьҭашәарыцалоит, шәҩык жәанызқьҩык ирышьҭашәарыцалоит, шәаӷацәагьы аҳәа ала иҭашәырхоит.

9 Сара сышәзылԥхоит, ахшара рацәа шәысҭоит, шәареи сареи иҳабжьасҵаз аиқәшаҳаҭрагьы насыгӡоит. 10 Шәара ҵыԥхтәи аҽаҩра афара шәахьӡаӡом, ҿыц иҭажәгалаз аҽаҩразы аҭыԥ шәырхиарц азы ҵыԥхтәи аҽаҩра кашәыжьыр акәхоит. 11 Сара шәыбжьара иԥшьоу сқьала сыргылоит, мапгьы шәцәыскӡом. 12 Сара шәыбжьара сыҟазаауеит, Шәынцәагьы сакәзаауеит, шәаргьы сыжәлар шәакәзаауеит. 13 Сара уаҳа маҵуцәас шәыҟамзарц азы Египет шәалызгаз Шәынцәа Иегова соуп. Сара ишәхаз ауӷә хызжәеит, шәхы шьҭыхны шәныҟәалартәгьы шәҟасҵеит.

14 Аха шәысзымӡырҩлар, насгьы арҭ сыԥҟарақәа зегь шәрықәымныҟәалар, 15 сықәҵарақәа мап рцәышәкыр, сзакәанқәа шәцәымыӷхар, сыԥҟарақәа зегь нашәмыгӡалар, шәареи сареи иҳабжьоу аиқәшаҳаҭрагьы еилажәгар, 16 ишәзызуа абри ауп: сара арыцҳара шәақәсыршәоит — атуберкулиози алихорадкеи шәсырхьуеит, уи иахҟьаны шәылақәа ҭыгга шәҟалоит, шәымчгьы шәылӡаауеит. Шәара баша шәлаҵалоит, избанзар шәҽаҩра шәаӷацәа ирфоит. 17 Сара сышәҿагылоит, шәаӷацәагьы шәиааиуеит, шәызцәымӷқәоу шәдыргәаҟлоит, аӡәгьы даншәышьҭамгьы шәыбналалоит.

18 Убасҟангьы шәысзымӡырҩлар, шәыгәнаҳақәа рзы бжьынтә еиҳаны шәықәнага шәақәсыршәоит. 19 Сара шәԥагьареи шәҳәатәхамҵареи рҵыхәтәа ԥысҵәоит, шәыжәҩан аиха иеиԥшхартә иҟасҵоит, шәыдгьылгьы — абҩа. 20 Шәара баша шәхы шәырааԥсалоит, избанзар шәыдгьыл аҽаҩра шәнаҭаӡом, шәыҵлақәагьы ашәыр рҿалаӡом.

21 Уи ашьҭахьгьы шәара шәтәы иашәыргалар, шәагьысзымӡырҩлар, шәыгәнаҳақәа рзы бжьынтә еиҳаны шәықәнага шәақәсыршәоит. 22 Сара агыгшәыгқәа шәыжәлартә иҟасҵоит. Урҭ шәхәыҷқәа ндырҵәоит, шәырахәгьы ықәырхуеит, шәара шәмаҷхоит, шәымҩадуқәагьы ҭацәуеит.

23 Убасҟангьы шәысзымӡырҩӡакәа шәысҿагылар, 24 саргьы сышәҿагылоит, шәыгәнаҳақәа рзгьы бжьынтә шәықәнага шәақәсыршәоит. 25 Сара аҳәала шәыршьыртә иҟасҵоит, иҳабжьоу аиқәшаҳаҭра ахьеилажәгаз азгьы шәықәнага шәақәсыршәоит. Ақалақьқәа рҿы шәҽышәҵәахыр, ачымазара шәсырхьуеит, шәаӷацәагьы шәрысҭоит. 26 Иҵәахны ишәымоу ача* аншәымсырҵәалак, жәаҩык аҳәса ԥечкак аҿы ача рӡлоит, икапанынгьы иршалоит. Шәара акрышәфалоит, аха шәызхара ҟалаӡом.

27 Убри ашьҭахьгьы шәысзымӡырҩлар, шәагьысҿагылар, 28 саргьы сыԥсахы еибакны сышәҿагылоит, шәыгәнаҳақәа рзгьы бжьынтә шәықәнага шәақәсыршәоит. 29 Шәара шәԥацәеи шәыԥҳацәеи шәфалоит. 30 Сара ахәқәа рҿы ишәымоу аԥшьаҭыԥқәа ықәызгоит, афимиам зҭажәбылуа ԥыххааса иқәысҵоит, шәышьны ԥсы зхам шәидол хәымгақәа* шәрықәсыжьуеит, шәхәымгашьангьы наҟ сышәԥырҵуеит. 31 Сара шәықалақьқәа ԥыххааса иқәысҵоит, шәыԥшьаҭыԥқәа ҭасырцәуеит, шәкәырбанқәа рыфыҩқәагьы уаҳа сгәы иахәалаӡом. 32 Сара ари адгьыл ҭасырцәуеит, уи иқәынхало шәаӷацәагьы ирбо иаршанхоит. 33 Шәыԥсаҟьаны ажәларқәа шәрыласҵоит, аҳәа шьҭыхны ишәышьҭашәарыцалартә еиԥшгьы иҟасҵоит. Шәыдгьыл ҭацәуеит, шәықалақьқәагьы ықәыххоит.

34 Шәаӷацәа рыдгьыл аҿы шәахьынӡаҟазаауа ари адгьыл ҭацәны иҟазаауеит. Уи аԥсы ашьалоит, избанзар уаанӡа аԥсы ашьаӡомызт. 35 Урҭ амшқәа раан адгьыл аԥсы ашьалоит, избанзар шәара уа шәанынхоз, шәсабшақәа раан, уи аԥсы ашьаӡомызт.

36 Еиқәхо, насгьы заӷацәа рыдгьыл аҿы инхало ракәзар, ргәы ҭыԥсаауа иҟасҵоит. Аԥша иарҵысыз абӷьы абжьы анраҳалак, аҳәа кны ирышьҭоушәа, иҩны ицоит, иагькаҳауеит, аӡәгьы дышрышьҭамшәарыцогьы. 37 Дара аӡәгьы дышрышьҭамгьы, аҳәа кны ирышьҭоушәа иҩны ицоит, аӡәи-аӡәи еихҟьашангьы икаҳалоит. Шәара шәаӷацәа шәзырҿагылаӡом. 38 Шәара ажәларқәа рыбжьара шәҭахоит, шәаӷацәа рыдгьыл аҟынтә шәықәӡаауеит. 39 Иаанхо ракәзар, рыгәнаҳазы шәаӷацәа рыдгьыл аҿы ибаалоит. Дара рабацәа рыгәнаҳазы ибаалоит. 40 Усҟан еилыркаауеит рабацәагьы даргьы агәнаҳа шыҟарҵоз, еилыркаауеит сшырыԥсахуаз, насгьы ишысҿагылоз. 41 Убри аҟынтә саргьы сырҿагылеит, раӷацәа рыдгьыл ахьгьы изгеит.

Иҟалап усҟан ихсам* урҭ ргәы ҟәымшәышәхар, рыгәнаҳақәа рзгьы аҭак ҟарҵар. 42 Убасҟан сара исгәалашәоит Иакови сареи ҳаиқәшаҳаҭра, насгьы Исааки сареи ҳаиқәшаҳаҭра, иара убас исгәалашәоит Авраами сареи ҳаиқәшаҳаҭра, ари адгьылгьы сгәалашәоит. 43 Адгьыл ҭацәны иахьынӡаҟазаауа аԥсы ашьалоит, избанзар уаанӡа аԥсы ашьаӡомызт. Израильаа ракәзар, рыгәнаҳазы аҭак ҟарҵоит, избанзар дара сзакәанқәа мап рцәыркит, сыԥҟарақәагьы рцәымӷхеит. 44 Аха урҭ раӷацәа рыдгьыл аҿы ианыҟало, зынӡагьы мап рцәыскӡом, иқәысхыртә еиԥшгьы исцәымӷхаӡом. Сара дареи сареи иҳабжьоу аиқәшаҳаҭра еилазгаӡом, избанзар Рынцәа Иегова соуп. 45 Урҭ раҳаҭыразы сара исгәалашәоит Рынцәа сакәзарц азы ажәларқәа зегь ишырбоз Египет иалызгаз рабацәеи рабдуцәеи сареи иҳабжьаз аиқәшаҳаҭра. Сара Иегова соуп“».

46 Ари Синаи ашьхаҿы Иегова Моисеи ила израильаа ириҭаз ақәҵарақәеи, аԥҟарақәеи, азакәанқәеи роуп.

27 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Израильаа абас раҳә: „Аӡәы ауаҩы дзыԥсоу ахә Иегова ишииҭо ала ажәа ииҭар, 3 20 шықәса инаркны 60 шықәсанӡа зхыҵуа ахаҵа 50 ше́кель* араӡны даԥсазаауеит, иԥшьоу аше́кельқәа* рыла. 4 Аԥҳәыс 30 ше́кель* даԥсазаауеит. 5 Хәышықәса инаркны 20 шықәсанӡа зхыҵуа аҷкәын 20 ше́кель* даԥсазаауеит, аӡӷаб — 10 ше́кельк*. 6 Мызкы инаркны 5 шықәсанӡа зхыҵуа аҷкәын 5 ше́кельк* араӡны даԥсазаауеит, аӡӷаб — 3 ше́кельк* араӡны.

7 60 шықәса инаркны изхыҵуа ахаҵа 15 ше́кель* даԥсазаауеит, аԥҳәыс — 10 ше́кельк. 8 Анцәа ажәа изҭаз ауаҩы дӷарзар, уиаҟарагьы изымшәозар, ауаҩы аԥшьаҩ иахь днаргааит, аԥшьаҩгьы Анцәа ажәа изҭаз илшарақәа инарықәыршәаны иишәаша ахә шьақәиргылоит.

9 Аӡәы Иегова изнаугартә иҟоу аԥстәы кәырбанс ишнеиго ала Анцәа ажәа ииҭазар, Иегова изнагахо зегьы иԥшьоу ак акәны иԥхьаӡахоит. 10 Ауаҩы уи шьҭахьҟа изыргьежьӡом, иара иҽеим ибзиоу ала изыԥсахӡом, ибзиоугьы — иҽеим ала. Ԥстәык даҽа ԥстәык ала иԥсахыр, урҭ рыҩбагьы ԥшьахоит. 11 Аха уи Иегова изноугар иҟамло, ицқьам аԥстәы акәзар, уи аԥшьаҩы иахь инагатәуп. 12 Аԥшьаҩы уи зеиԥшроу дахәаԥшны, ахә ақәиҵоит. Аԥстәы аԥшьаҩы иақәиҵо ахә иаԥсазаауеит. 13 Анцәа ажәа изҭаз аԥстәы ҿихыр иҭаххар, уи ахә ахәбатәи ахәҭа ациҵааит.

14 Ауаҩы иҩны иԥшьоу ак еиԥш Иегова ииҭар, аԥшьаҩы аҩны зеиԥшроу дахәаԥшны, ахә ақәиҵааит. Аҩны аԥшьаҩы иақәиҵо ахә иаԥсазаауеит. 15 Аха зыҩны Анцәа изҭаз иҩны ҿихыр иҭаххар, уи ахә ахәбатәи ахәҭа ациҵааит, иҩнгьы еиҭа иара итәхоит.

16 Аӡәы имхы ахәҭак иԥшьоу ак еиԥш Иегова ииҭар, уи алаҵаразы шаҟа ажәла аҭаххо инақәыршәаны ахә шьақәыргылахоит: хоме́рк* ачаԥшь 50 ше́кель араӡны иаԥсоуп. 17 Иара имхы ахақәиҭра ашықәс* азы Анцәа ииҭозар, ахә уи инақәыршәаны иԥхьаӡатәуп. 18 Аха ахақәиҭра ашықәс ашьҭахь ииҭозар, аԥшьаҩы иааираны иҟоу ахақәиҭра ашықәс аҟынӡа шаҟа шықәсқәа нхаз ԥхьаӡаны, ахә иагирхоит. 19 Анцәа ииҭаз амхы иргьежьырц азы иҿихыр иҭаххар, уи ахә ахәбатәи ахәҭа ациҵааит, амхгьы еиҭа иара итәхоит. 20 Аха иара уи амхы ҿимхыр, даҽаӡәгьы иааихәар, уи уаҳа аҿыхра ҟалаӡом. 21 Ахақәиҭра ашықәс азы уи Иегова изку иԥшьоу ак акәны иҟалоит, аԥшьаҩцәагьы иртәхоит.

22 Аӡәы шьҭрала иара иитәым, иааихәаз амхы иԥшьоу ак еиԥш Иегова ииҭар, 23 аԥшьаҩы ахақәиҭра ашықәс аҟынӡа шаҟа шықәсқәа нхаз ԥхьаӡаны, ахә ақәиҵоит, ауаҩгьы уи аҽныҵәҟьа аԥшьаҩы уи ахә ииҭоит. Уи Иегова изы иԥшьоу акоуп. 24 Ахақәиҭра ашықәс азы уи амхы зҿы иаархәаз аԥшәма изырхынҳәхоит.

25 Ахә зқәырҵо закәызаалак, иԥшьоу аше́кельқәа рыла ирықәҵалатәуп. Ше́кельк 20 гера* иҟоуп.

26 Раԥхьа ииз аԥстәы акәзар, иԥшьоу ак еиԥш Анцәа иҭара ҟалаӡом, избанзар раԥхьа ииуа аԥстәқәа уеизгьы Иегова итәуп. Уи ацә акәзаргьы, ауаса акәзаргьы, Иегова итәуп. 27 Аха уи ицқьам аԥстәы акәзар, иақәу ахә алагьы иҿихуазар, ахәбатәи ахәҭа ациҵааит. Изҿымхуазар, иақәу ахә ала ирҭиуеит.

28 Аӡәы иитәу акы наӡаӡа* Иегова изикыр, уи ауаҩы иакәзаргьы, аԥстәы акәзаргьы, ма амхы акәзаргьы, уи аҭирагьы аҿыхрагьы ҟалаӡом. Уи Иегова изы даараӡа иԥшьоу акоуп. 29 Иара убас ашьра зқәу иҿыхра ҟалаӡом. Уи хымԥада дышьтәуп.

30 Адгьыл иунаҭо зегь аҟынтә ажәабатәи ахәҭа, — уи амхаҿы изызҳауа акәзаргьы, аҵлақәа ирҿало акәзаргьы, — Иегова итәуп. Уи Иегова изы иԥшьоу акоуп. 31 Аӡәы иитәу ажәабатәи ахәҭа ҿихыр иҭаххар, уи ахәбатәи ахәҭа ациҵааит. 32 Иара убас ашьамаҟеи аԥсасеи рҟынтә ажәабатәи ахәҭа — ахьча илабашьа иаҵсны ицо ажәабатәи аԥстәқәа зегьы — Иегова изы иԥшьоу ак акәзаауеит. 33 Аԥшәма уи аԥстәы бзиоу-ибзиаму ҳәа игәеиҭар ҟалаӡом, акы даҽакала иԥсахыргьы ҟалаӡом. Уи иԥсахыр, уи аԥстәгьы излеиԥсахызгьы ԥшьахоит. Урҭ рҿыхра ҟалаӡом“».

34 Ари Синаи ашьхаҿы Иегова Моисеи ила израильаа ириҭаз аԥҟарақәа роуп.

Ма «аҷаҷақәа ирықәу ашшеи».

Ма «игәы зырԥсаҳәо». Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «игәы зырҭынчуа».

Ма «ашша иаганы иҟоу ахәа», кәырбанс инаргоз аԥстәқәа рышша злачны иҟаз ахәа.

Ма «игәы зырԥсаҳәо». Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «игәы зырҭынчуа».

Ма «игәы зырԥсаҳәо». Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «игәы зырҭынчуа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «чоуп». Анцәа ирҭоз аҭынчратә кәырбан ахәҭа.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахәша зыхьшьу аԥшьаҩы». Зыӡбахә цо аԥшьаҩ хада иоуп.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахәша зыхьшьу аԥшьаҩы». Зыӡбахә цо аԥшьаҩ хада иоуп.

Ма «ашша иаганы иҟоу ахәа», кәырбанс инаргоз аԥстәқәа рышша злачны иҟаз ахәа.

Иҟалап ара зыӡбахә ҳәоу ажәлар рхаҭарнакцәас иҟаз аиҳабацәа ракәзар.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахәша зыхьшьу аԥшьаҩы». Зыӡбахә цо аԥшьаҩ хада иоуп.

Ма «игәы зырԥсаҳәо». Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «игәы зырҭынчуа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ашәиԥхьыӡ (аҭоуба) абжьы аниаҳа». Иҟалап уи ашәиԥхьыӡ агәнаҳа ҟазҵаз иахь ма агәнаҳа атәы здыруаз, аха изымҳәаз иахь ирхазҭгьы.

Ара зыӡбахә цо гәыԥ-гәыԥла инхо аԥстә хәыҷқәа ракәзар ҟалап.

Иҟалап уи иаанаго иажәа шынаимыгӡаз акәзар.

2,2 л. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ше́кельк 11,4 г иҟан.

Ма «аԥшьаҭыԥ иатәу ше́кельла».

Ма «ҵаҟатәи амаҭәагьы».

Ма «ашша иаганы иҟоу ахәа», кәырбанс инаргоз аԥстәқәа рышша злачны иҟаз ахәа.

Ма «игәы зырԥсаҳәо». Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «игәы зырҭынчуа».

Ма «акәырбанқәа».

2,2 л. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ма «апластина».

Ма «Ааро́н Анцәа дышизку узырбо адырга; иԥшьоу адиадема».

Ма «аҷаҷақәа ирықәу ашшеи».

Ма «игәы зырԥсаҳәо». Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «игәы зырҭынчуа».

Ақырц аԥсыӡ ацәа иақәуп.

Ма «абжьобжьик».

Урҭ аԥстәқәа рахь иаҵанакуеит алымқәеи, амшәқәеи, алақәеи, ацыгәқәеи уҳәа убас иҵегьы.

Уи ацәышлампыр иеиԥшуп.

Ма «акаркалмышә».

«Ацәеилабаара» ҳәа еиҭагоу ауриатә ажәа иаҵанакуа рацәоуп. Уахь иаҵанакуазар алшоит еиуеиԥшым ацәачымазара ҿкқәа.

Уи ацәеилабаара шакәыз убарҭан, убри аҟынтә уи аилкааразы ауаҩы бжьымш ҳәа ауаа дрылгатәӡамызт.

Ма «дшәарҭаӡам, ичымазара егьырҭ рахь ииасӡом».

Ма «иԥаҵа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «х-е́фак рҟынтә ажәабатәи ахәҭа». Х-гомо́рк 6,6 л иҟан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Логк 0,31 л иҟан.

2,2 л. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Уи аԥакәа хкы ма акәыкәбаа хкы акәзар ауан. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ацәеилабаара, аилабаара».

Ма «амцқьара».

Ма «амцқьара».

Ма «ҵаҟатәи амаҭәа».

Иҟалап иаанагозар «хабарда иӡуа абаӷь».

Иҟалап уи азы дара чгозҭгьы, иара убас рхы мап шацәыркыз даҽакалагьы иаадырԥшуазҭгьы.

Ма «игәы зырԥсаҳәо». Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «игәы зырҭынчуа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «абаӷьқәа».

Ма «ԥхашьарак злам хымҩаԥгашьоуп».

Ма «дизумкын; кәырбанс дизноумган».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шәрыцәшәала».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ишьа».

Мамзаргьы иҟалап «Ишәзааигәоу иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылоу жәбозар, ҿымҭкәа шәымгылан».

Адыргақәа рыцклаԥшра ара иаанагоит иҟалараны иҟоу узырбо адыргақәа рыԥшааразы аспиритизм ахархәара.

Ма «иркьаҿны ихышәымҵәалан».

Ара зыӡбахә цо егьырҭ ажәларқәа ирымаз аҵасқәа ракәзар ҟалап.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шәацәшәала».

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анцәа ицәшәара».

Акы иҭарыԥсоз афатәқәа ршәага-зага. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Акы иҭарҭәоз афатәқәа ршәага-зага. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ма «ԥхашьарк злам хымҩаԥгашьоуп».

Ара зыӡбахә цо аҳәынаԥқәеи аинцәышқәеи реиԥш иҟоу аԥстә хәыҷқәеи ахәаҷа-маҷақәеи ракәзар ҟалап.

Акарлик. Мамзаргьы иҟалап «иҵыкәкәаз».

Иҟалап ара зыӡбахә ҳәоу аԥшьаҩцәа ракәзар.

Ара зыӡбахә цо гәыԥ-гәыԥла инхо аԥстә хәыҷқәа ракәзар ҟалап.

Ааро́н ишьҭра иатәым.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ҩ-хәылбыҽхак рыбжьара».

4,4 л. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ма «игәы зырԥсаҳәо». Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «игәы зырҭынчуа».

0,9 л раҟара.

Иҟалап уи азы дара чгозҭгьы, иара убас рхы мап шацәыркыз даҽакалагьы иаадырԥшуазҭгьы.

Мамзаргьы иҟалап «дмычгар».

Урысшәала «тополь».

Иԥшьоу аҭыԥ аҿы.

4,4 л. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ма «аиубилеи».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «абыцаҵәқәа». Зыӡбахә цо ача рҵәахырц азы иахьыкнарҳауаз абыцаҵәқәа ракәзар ҟалап.

«Аидол хәымгақәа» ҳәа еиҭагоу ауриатә ажәа ара ажәа «ауац» иазааигәазар ауеит, иаанарԥшуеит игәырхынҳәыгоу акы.

Ма «исҳәо змаҳауа».

570 г. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ма «аԥшьаҭыԥ иатәу аше́кельқәа».

342 г.

228 г.

114 г.

57 г.

34 г раҟара.

171 г.

Хоме́рк 220 л иҟан.

Ма «Аиубилеи».

Ге́рак 0,57 г иҟан.

Ма «ақәхразы».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра