Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • nwt 1 Аҳцәа 1:1—22:53
  • 1 Аҳцәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • 1 Аҳцәа
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
1 Аҳцәа

АҲЦӘА АКТӘИ РЫШӘҞӘЫ

1 Аҳ Давид иқәрахь днеит. Дыԥхарц азы ахыза иқәырҵон, аха дзыԥхомызт. 2 Имаҵуцәа ус иарҳәеит: «Ҳаҳ, ухаҵкы, умаҵ зуло, иухылаԥшло ӡӷабк дузаҳаԥшаарц азин ҳаҭ. Лара уган аҿы дышьҭазаауеит уԥхарц азы». 3 Усҟан Израиль зегь аҿы аӡӷаб ԥшӡа лыԥшаара иалагеит. Шуне́м иатәыз Авиша́га дрыԥшаан, аҳ иахь дааргеит. 4 Авиша́га даараӡа дыԥшӡан. Лара аҳ дидтәаланы ибара далагеит, имаҵгьы луан, аха аҳ уи длылакьысӡомызт.

5 Уи аамҭазы Хагги́т лԥа Адо́ниа ихы шьҭихуа далаган, абас иҳәеит: «Сара аҳас сҟалоит!» Иара аҽыуардын дирҟаҵеит, аҽыуаа еизигеит, иара убас еизигеит иаԥхьа игыланы иҩны ицало 50-ҩык ауаа. 6 Аха иаб уи дааникылаӡомызт*, «абас зыҟауҵои?» ҳәагьы иеиҳәаӡомызт. Адо́ниа Авессало́м ишьҭахь ауп иан данлыхшаз. Иаргьы даараӡа дыԥшӡан. 7 Иара Церу́иа иԥа Иоа́ви аԥшьаҩы Авиафа́ри маӡала драцәажәеит. Даргьы Адо́ниа иган ааныркылан, ицхраара иалагеит. 8 Аԥшьаҩы Цадо́ки, Иода́и иԥа Бена́иеи, аԥааимбар Нафа́ни, Шиме́ии, Ре́ии, иӷәӷәаз Давид ируааи Адо́ниа идымгылаӡеит.

9 Ҽнак зны Адо́ниа Ен-Роге́л азааигәара ишьҭаз ахаҳә Зохеле́т аҿы ауасақәеи, ацәқәеи, иԥсылаз аҳәарақәеи кәырбанс инеигон. Иара уахь ааԥхьара риҭеит иашьцәа зегьы — аҳ иԥацәа, иара убас аҳ иҿы амаҵ зуаз аиудеиаа зегьы. 10 Аха аԥааимбар Нафа́ни, Бена́иеи, иӷәӷәаз Давид ируааи, иашьа Соломони ааимԥхьаӡеит. 11 Усҟан Нафа́н Соломон иан Вирса́виа ус леиҳәеит: «Хагги́т лԥа Адо́ниа аҳас дшыҟалаз баҳама? Аха ҳаԥшәма Давид уи атәы акгьы издырӡом. 12 Сбыҳәоит ибабжьызго бырҳа. Усҟан быԥсгьы еиқәбырхоит, быҷкәын Соломон иԥсгьы еиқәбырхоит. 13 Аҳ Давид иахь бцаны, абас иаҳә: „Саҳ, ухаҵкы, уара уакәӡами умаҵуҩы лҿаԥхьа иқәны изҳәаз сыҷкәын Соломон аҳас дшыҟало, иара шиакәхо уаҳраҭыԥ аҿы итәо? Нас, Адо́ниа аҳас дзыҟалеи?“ 14 Биацәажәонаҵы, саргьы сыҩналаны ибҳәо шьақәсырӷәӷәоит».

15 Вирса́виа аҳ ихатә уадахь дыҩналеит. Давид даара дажәхьан, Шуне́м иатәыз Авиша́га имаҵ луан. 16 Вирса́виа дшьамхышгыланы аҳ диеихырхәеит. Иара: «Акрыбҭахызма?» — ҳәа длазҵааит. 17 Лара илҳәеит: «Ухаҵкы, уара Унцәа Иегова ила умаҵуҩы лҿаԥхьа уқәит сыҷкәын Соломон уара ушьҭахь аҳас дшыҟало, иара шиакәу уаҳраҭыԥ аҿы итәо. 18 Аха аҳас иҟалаз Адо́ниа иоуп, арахь исықәиҭу саҳ уи атәы акгьы издырӡом. 19 Адо́ниа ацәқәеи, иԥсылоу аҳәарақәеи, ауасақәеи рацәаны кәырбанс инеиган, аҳ иԥацәа зегь ааиԥхьеит, аԥшьаҩы Авиафа́ргьы аруаа реиҳабы Иоа́вгьы ааиԥхьеит, умаҵуҩы Соломон иакәзар, ааԥхьара иимҭаӡеит. 20 Уажәшьҭа, саҳ, ухаҵкы, израильаа зегьы уара ушьҭахь аҳраҭыԥ аҿы итәо дызусҭоу ануҳәо иазыԥшуп. 21 Мамзар уара уанԥслак ашьҭахь сыҷкәын Соломони сареи ӷацәас ҳрыԥхьаӡалоит».

22 Лара аҳ диацәажәонаҵы, аԥааимбар Нафа́н дыҩналеит. 23 Аҳ иаразнак иарҳәеит: «Аԥааимбар Нафа́н дааит!» Нафа́н аҳ иахь днеин, дшьамхышгыланы дхырхәеит. 24 Иара иҳәеит: «Саҳ, ухаҵкы, сара сышьҭахь аҳас иҟало Адо́ниа иоуп, иара иоуп аҳраҭыԥ аҿы итәо ҳәа уҳәахьазма? 25 Иахьа иара дцан, ацәқәеи, иԥсылоу аҳәарақәеи, ауасақәеи рацәаны кәырбанс инеиган, аҳ иԥацәа зегь ааԥхьара риҭеит, аруаа реиҳабацәагьы, аԥшьаҩы Авиафа́ргьы ааиԥхьеит. Уажәы дара акрыфо-акрыжәуа идтәалоуп, „Нагӡара иқәзааит ҳаҳ Адо́ниа!“ ҳәагьы рыбжьы ҭыганы иҳәҳәоит. 26 Аха иара сара, умаҵуҩы, ааԥхьара симҭаӡеит, аԥшьаҩы Цадо́кгьы, Иода́и иԥа Бена́иагьы, умаҵуҩы Соломонгьы ааԥхьара римҭаӡеит. 27 Исықәиҭу саҳ иакәзар иара ишьҭахь аҳраҭыԥ аҿы итәо дызусҭоу имаҵуҩы иамҳәаӡакәа ари аҩыза адҵа ҟазҵаз?»

28 Аҳ Давид иҳәеит: «Вирса́виа даажәг». Ларгьы дыҩналан, аҳ иаԥхьа дгылеит. 29 Аҳ дқәит: «Агәаҟрақәа зегь рҟынтә сеиқәзырхаз* зыԥсы ҭоу Анцәа Иегова ила сықәуеит! 30 Сара бара бҿаԥхьа Израиль Анцәа Иегова ила сқәит сара сышьҭахь быҷкәын Соломон аҳас дшыҟало, иара шиакәу саҳраҭыԥ аҿы итәо. Сықәны исҳәаз иахьа иагьыҟасҵоит». 31 Усҟан Вирса́виа аҳ иҿаԥхьа дшьамхышгыланы дхырхәан, ус лҳәеит: «Исықәиҭу саҳ Давид наӡаӡа иԥсы ҭазааит!»

32 Аҳ Давид иаразнак адҵа ҟаиҵеит: «Аԥшьаҩы Цадо́ки, аԥааимбар Нафа́ни, Иода́и иԥа Бена́иеи сара сахь иааирц рашәҳәа». Даргьы аҳ иахь иааит. 33 Урҭ ус реиҳәеит: «Смаҵуцәа аашьҭыхны, Соломон сгәыжь дақәыртәаны, Гихо́нҟа дыжәга. 34 Аԥшьаҩы Цадо́ки аԥааимбар Нафа́ни уи Израиль аҳас дахагыларц азы ахәша ихьыршьуеит, нас абыкь* шәасны ишәҳәа: „Нагӡара иқәзааит аҳ Соломон!“ 35 Нас дшәыманы шәхынҳәы. Иара дааины аҳраҭыԥ аҿы дтәоит, сара сҭыԥан аҳас дҟалоит, сара уи Израильи Иудеи напхгаҩыс дырхасыргылоит». 36 Усҟан Иода́и иԥа Бена́иа аҳ ус иеиҳәеит: «Амин! Исықәиҭу саҳ Инцәа Иегова уи шьақәирӷәӷәааит. 37 Иегова исықәиҭу саҳ дышицыз еиԥш Соломонгьы дицзааит, исықәиҭу саҳ Давид имоу амчра аасҭа еиҳау амчра ииҭааит».

38 Аԥшьаҩы Цадо́ки, аԥааимбар Нафа́ни, Иода́и иԥа Бена́иеи, кере́тааи, пеле́тааи цан, Соломон аҳ Давид игәыжь дақәдыртәан, Гихо́нҟа дыргеит. 39 Аԥшьаҩы Цадо́к ахәша зҭаз атәыҩа ақьала иҩниган, Соломон аҳас дҟаларц азы ихы иақәиҭәеит, нас абыкь* иасын, ажәлар зегьы рыбжьы ҭыганы ҿаарҭит: «Нагӡара иқәзааит аҳ Соломон!» 40 Уи ашьҭахь зегьы Соломон ишьҭаланы ицеит. Дара аҿарпынқәа адырҳәон, игәырӷьон, рыбжь ду адгьыл зегь арҵысуан.

41 Адо́ниа исасцәеи иареи уи абжьы анраҳа акрыфаны иалгахьан. Иоа́в абыкь* абжьы аниаҳа, абас дҵааит: «Ақалақь аҿы абас рыбжьы здууи?» 42 Иҳәаны далгаанӡа, аԥшьаҩы Авиафа́р иԥа Ионафа́н дааит. Адо́ниа уи ус иеиҳәеит: «Уҩнал. Уара уаҩ бзиак уоуп, ажәабжь бзиа ааугазароуп». 43 Аха Ионафа́н Адо́ниа ус иеиҳәеит: «Мап, иҳақәиҭу ҳаҳ Давид аҳас Соломон дҟаиҵеит. 44 Аҳ уи аԥшьаҩы Цадо́ки, аԥааимбар Нафа́ни, Иода́и иԥа Бена́иеи, кере́тааи, пеле́тааи ицҵаны ишьҭит. Дара уи аҳ игәыжь дақәдыртәеит. 45 Нас аԥшьаҩы Цадо́ки аԥааимбар Нафа́ни Гихо́н инеин, аҳас дҟаларц азы ахәша ихьыршьит. Уи ашьҭахь зегьы гәырӷьаҵәа уантәи ицеит. Убри аҟынтә ақалақь аҿы уажәы ныҳәоуп. Убри абжьоуп ишәаҳауа. 46 Соломон аҳраҭыԥ аҿы дтәахьеит. 47 Аҳ имаҵуцәа иҳақәиҭу ҳаҳ Давид иахь иааит идырныҳәаларц, абасгьы иарҳәеит: „Унцәа Соломон ихьӡ уара ухьӡ аасҭа иҳареикааит, иумоу амчра аасҭа еиҳау амчрагьы ииҭааит!“ Нас аҳ ииарҭаҿы дхырхәеит. 48 Аҳ иара убас иҳәеит: „Хьӡи-ԥшеи игымзааит сыҷкәын иахьа аҳраҭыԥ аҿы дзыртәаз, саргьы уи сыблала абара алшара сызҭаз Израиль Анцәа Иегова!“».

49 Усҟан Адо́ниа исасцәа зегь шәан, еибарыҩны ицеит. 50 Адо́ниа ихаҭагьы Соломон дицәшәан, дцаны акәырбаннагарҭа атәыҩақәа иҽрыларԥсны икит. 51 Соломон ус иарҳәеит: «Адо́ниа аҳ Соломон дицәшәоит. Уажәы иара акәырбаннагарҭа атәыҩақәа иҽрыларԥсны икуп, абасгьы иҳәоит: „Раԥхьа аҳ Соломон дықәны ажәа сиҭааит имаҵуҩы аҳәала дшимшьуа“». 52 Соломон ус иҳәеит: «Ишақәнагоу ихы мҩаԥигалар, ихцәхәыцкгьы кашәаӡом. Аха цәгьарак ҟаиҵар, дыԥсуеит». 53 Аҳ Соломон Адо́ниа дааргарц азы ауаа ишьҭын, акәырбаннагарҭа аҟынтә дааргеит. Нас дааин, аҳ Соломон диеихырхәеит. Соломон уи аҩныҟа уца ҳәа иеиҳәеит.

2 Давид иԥсра аамҭа анааигәаха, иԥа Соломон ус иеиҳәеит: 2 «Сара иаарласны сыԥсуеит, убри аҟынтә уара уӷәӷәаз, агәымшәара аарԥшла. 3 Унцәа Иегова ииҳәо ҟаҵала, имҩақәа урықәныҟәала, иусԥҟақәеи, иԥҟарақәеи, изакәанқәеи нагӡала, имҩақәҵарақәа* урықәныҟәала, Моисеи изакәан ишаҳәо еиԥш. Убасҟан, иҟауҵозаалакгьы, уахьцозаалакгьы, зегь рыла уманшәалахоит*. 4 Иегова иакәзар, исиҭаз абри ажәа наигӡоит: „Уҷкәынцәа рхымҩаԥгашьа иацклаԥшлар, азиашара аарԥшуа сымҩақәа ирықәныҟәалар, гәык-ԥсыкала* сымаҵ рулар, иухылҵуа еснагь израильтәи аҳраҭыԥ аҿы итәазаауеит*“.

5 Уара иара убас иудыруеит Церу́иа иԥа Иоа́в исзиуз, ҩыџьа израильтәи аруаа реиҳабацәа, Нер иԥа Авне́ри Иете́р иԥа Ама́сеи, ирзиуз: иара урҭ аибашьраҿы аӷацәа шыршьуа еиԥш ишьит, аҭынчра аамҭазы ашьа кеиҭәеит, уи ашьала игәчама иамӷаз амаҟеи ишьапы иашьаз асандалеимаақәеи иҟьашьит. 6 Ҟәыӷарала ухы мҩаԥга, уи ҭынч дыԥсыр умун.

7 Галаа́д иатәу Барзилла́и иԥацәа абзиара рзыҟаҵа*. Дара устол иуцахатәаны акрыуцызфо рыбжьара иҟазароуп, избанзар уашьа Авессало́м саницәыбналоз дара сыцхрааит.

8 Иара убас уара уҿы дыҟоуп Ге́ра иԥа Шиме́и, Бахури́м иатәу вениами́наа руаӡәк. Иара Маханаи́мҟа санцоз аҽны ашәи цәгьа саиргеит, аха дысԥыларц азы Иорданҟа даннеи, иҿаԥхьа Иегова ила сқәит дшысымшьуа. 9 Иқәнага дақәмыршәакәа даанумыжьын, уара уҟәышуп, изууша удыруеит, иажәра аамҭазы ҭынч дыԥсыр умун*».

10 Уи ашьҭахь Давид дыԥсит, Давид иқалақь аҿгьы анышә дарҭеит*. 11 Иара Израиль 40 шықәса дахагылан, 7 шықәса — Хевро́н аҳра иуан, 33 шықәса — Иерусалим аҳра иуан.

12 Соломон иаб Давид иаҳраҭыԥ аҿы дтәеит, иаҳрагьы еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон.

13 Аамҭак ашьҭахь Хагги́т лԥа Адо́ниа Соломон иан Вирса́виа лахь дааит. Лара ус диазҵааит: «Бзиароу уаазгаз?» — «Бзиароуп», — иҳәеит иара. 14 Нас иациҵеит: «Сбацәажәар сҭахуп». — «Бзиоуп», — лҳәеит лара. 15 Иара иҳәеит: «Бара ибдыруеит аҳра иахагылараны иҟаз сара шсакәыз, Израиль зегь аҳас сҟалоит ҳәа иазыԥшын, аха аҳас иҟалаз сашьа иоуп, избанзар Иегова ус иҭаххеит. 16 Уажәшьҭа аказы сбыҳәар сҭахуп, мап сцәыбымкын». — «Иҳәа», — лҳәеит лара. 17 Иара иҳәеит: «Сбыҳәоит, аҳ Соломон бсызиҳәа, иара мап бцәикӡом, Шуне́м иатәу Авиша́га ԥҳәысс дсиҭарц». 18 Вирса́виа илҳәеит: «Ибзиоуп, сара аҳ сиацәажәоит».

19 Вирса́виа аҳ Соломон иахь дцеит Адо́ниа изы диацәажәарц. Аҳ иаразнак дҩагылан, иан дылԥылан длеихырхәеит. Нас итәарҭаҿы днатәан, иан лызгьы атәарҭа дыргыларц адҵа ҟаиҵеит, иарӷьарахь дтәарц азы. 20 Вирса́виа илҳәеит: «Аҳәара хәыҷык сымоуп, аказы суҳәар сҭахын, мап сцәумкын». — «Баҳәа, сан, мап бцәыскӡом», — иҳәеит аҳ. 21 Лара илҳәеит: «Шуне́м иатәу Авиша́га уашьа Адо́ниа ԥҳәысс дирҭааит». 22 Усҟан аҳ Соломон иан ус леиҳәеит: «Шуне́м иатәу Авиша́га Адо́ниа дирҭарц заҵәык бзаҳәои? Уажәшьҭа иара изы аҳрагьы бамыҳәои. Иара сашьеиҳаб иами, аԥшьаҩы Авиафа́ргьы Церу́иа иԥа Иоа́вгьы иара идгылоуп».

23 Аҳ Соломон Иегова ила дқәит: «Анцәа исықәнагоу сақәиршәааит, еиҳа еицәоугьы сақәиршәааит, уи азы Адо́ниа иԥсҭазаара ицәымӡуазар. 24 Саб Давид иаҳраҭыԥ аҿы сзыртәаз, саҳра шьақәзырӷәӷәаз, ишиҳәаз еиԥш сышьҭра аҳратә шьҭраны иҟазҵаз зыԥсы ҭоу Анцәа Иегова имаҿоуп Адо́ниа иахьаҵәҟьа дшыԥсуа». 25 Аҳ Соломон иаразнак Иода́и иԥа Бена́иа адҵа ииҭеит. Иаргьы дцан, Адо́ниа дишьит.

26 Аԥшьаҩы Авиафа́р иакәзар, аҳ уи ус иеиҳәеит: «Анато́тҟа уца, удгьылқәа рахь. Ашьроуп иуқәнагоу, аха иахьа усшьӡом, избанзар уара саб Давид иҿаԥхьа Амчра зегь знапаҿы иҟоу Ҳаҳ Иегова иковчег ныҟәугон, саб игәаҟрақәагьы ицеиҩушон». 27 Соломон Авиафа́р Иегова иԥшьаҩыс амаҵ аура азин имихит, Иегова Сило́м И́ли ишьҭра иазкны ииҳәаз ажәа наӡарц азы.

28 Уи атәы Иоа́в иаҳаит. Усҟан зны иара Авессало́м дидымгылаӡеит, аха Адо́ниа дидгылеит. Иоа́в Иегова иқьалахь дыҩны дцан, акәырбаннагарҭа атәыҩақәа иҽаларԥсны икит. 29 Аҳ Соломон ус иарҳәеит: «Иоа́в Иегова иқьалахь дыҩны дцеит, уажәы акәырбаннагарҭаҿы дыҟоуп». Усҟан Соломон Иода́и иԥа Бена́иа адҵа ииҭеит: «Уцаны дшьы!» 30 Бена́иа Иегова иқьалахь дцан, Иоа́в ус иеиҳәеит: «Аҳ удәылҵ иҳәоит». — «Мамоу! — иҳәеит иара. — Абра сыԥсуеит!» Бена́иа аҳ иахь дхынҳәын, Иоа́в ииҳәаз аҳ иеиҳәеит. 31 Аҳ уи ус иеиҳәеит: «Ииҳәаз ҟаҵа. Дышьны анышә даҭ. Иоа́в баша икеиҭәаз ашьа азы ахара саб ихылҵшьҭреи сареи иаҳхых. 32 Иегова уи икеиҭәаз ашьа азы иқәнагоу дақәиршәоит, избанзар иара саб Давид иамҳәаӡакәа иара иаасҭа ииашаз, иара иаасҭа еиӷьыз ҩыџьа ауаа аҳәала ишьит: израильтәи аруаа реиҳабы Нер иԥа Авне́ри иудеиатәи аруаа реиҳабы Иете́р иԥа Ама́сеи. 33 Урҭ ршьа азы ахара Иоа́в ихылҵшьҭреи иареи наӡаӡа ирыдзааит. Давид ихылҵшьҭреи, ишьҭреи, иаҳраҭыԥи ракәзар, наӡаӡа Иегова иҟынтә аҭынчра рымазааит». 34 Нас Иода́и иԥа Бена́иа дцан Иоа́в дишьит. Уи иҩны азааигәара ацәҳәыраҿы анышә дарҭеит. 35 Уи иҭыԥан аҳ Иода́и иԥа Бена́иа аруаа дырхаиргылеит, Авиафа́р иҭыԥан аԥшьаҩы Цадо́к дҟаиҵеит.

36 Аҳ Шиме́и дааргарц адҵа ҟаиҵан, ус иеиҳәеит: «Иерусалим ухазы аҩны ргыл, убра унхала, ақалақь уалымҵын. 37 Уалҵны арха Кедро́н уанахыс аҽны уԥсуеит, уԥсра зхарахо ухаҭа уоуп». 38 Шиме́и аҳ ус иеиҳәеит: «Ибзиоуп, исықәиҭу саҳ ишиҳәаз еиԥш умаҵуҩы убас иагьыҟаиҵоит». Убас Шиме́и акыраамҭа Иерусалим дынхон.

39 Хышықәса рышьҭахь Шиме́и ҩыџьа имаҵуцәа гаттәи аҳ, Маа́ха иԥа Ахи́ш, иахь ибналаны ицеит. Шиме́и ианиарҳәа имаҵуцәа Гат ишыҟоу, 40 иаразнак аҽада икәадырын, Ахи́ш иахь Гатҟа дцеит, имаҵуцәа иԥшаарц азы. Шиме́и Гатынтәи имаҵуцәа иманы даныхынҳә ашьҭахь 41 Соломон иарҳәеит уи Иерусалим далҵны, Гатҟа дцаны дшыхынҳәыз. 42 Усҟан аҳ Шиме́и дааргарц адҵа ҟаиҵан, ус иеиҳәеит: «Сара Иегова иҿаԥхьа урқәны ажәа умсымхыз, иагьуасымҳәаз ақалақь уаналҵуа аҽны ушыԥсуа. Уи уақәшаҳаҭымхаӡаз? Убас ҟасҵоит ҳәа саумҳәаӡаз? 43 Иегова иҿаԥхьа исуҭаз ажәа зынаумыгӡеи? Иуасҳәаз зыҟаумҵеи?» 44 Нас аҳ Шиме́и ус иеиҳәеит: «Ухаҭа иудыруеит саб Давид изууз. Иегова иҟауҵаз азы уқәнага уақәиршәоит. 45 Иегова аҳ Соломон дизылԥхоит, Давид иаҳраҭыԥ наӡаӡа ишьақәирӷәӷәоит». 46 Нас аҳ Иода́и иԥа Бена́иа адҵа ииҭеит. Иаргьы дцан Шиме́и дишьит.

Амчра зегьы Соломон инапаҿы иҟан.

3 Соломон египеттәи аҳ, афараон, диуахеит. Иара афараон иԥҳа ԥҳәысс диган, Давид иқалақь ахь дааигеит. Лара уа дынхон, Соломон ихазы аҩни, Иегова изы аҩни, Иерусалим иаакәыршаны аҭӡамци иргылаанӡа. 2 Уи аамҭазы ажәлар акәырбанқәа аҳаракырақәа рҿы иҟаз аԥшьаҭыԥқәа рахь ишнаргац инаргон, избанзар Иегова ихьӡ азы аҩны макьана иргылаӡамызт. 3 Аҳ Соломон Иегова бзиа дибон, иаб Давид иԥҟарақәагьы дрықәныҟәон, аха иара аҳаракырақәа рҿы иҟаз аԥшьаҭыԥқәа рҿы акәырбанқәа наганы ибылуан.

4 Аҳ Гавао́нҟа дцеит акәырбан неигарц азы, избанзар уаҟа акәын ихадоу аԥшьаҭыԥ ахьыҟаз. Уи акәырбаннагарҭаҿы Соломон ирбылуа кәырбанҵас 1 000 шьтәа неигеит. 5 Иегова Гавао́н Соломон ԥхыӡла дизцәырҵын, ус иеиҳәеит: «Иусҭарц иуҭаху ҳәа, иуҭаху уаҳәа». 6 Соломон ус иҳәеит: «Уара умаҵуҩы Давид иахь, саб иахь, гәыбылрала иҭәу абзиабара дуӡӡа ааурԥшит, иара дузиашаны, гәы цқьала, аиашара аарԥшуа умҩақәа дахьырныз азы. Уара уажәраанӡагьы гәыбылрала иҭәу абзиабара дуӡӡа ааурԥшуеит: уара уи аԥа диуҭеит, иаҳраҭыԥ аҿы дтәарц азы. 7 Уажәшьҭа Сынцәа Иегова, саб Давид иҭыԥан умаҵуҩы аҳас дҟауҵеит, аха сара сқәыԥшуп, аԥышәа сымаӡам. 8 Умаҵуҩы уара иалухыз ажәлар дырхагылоуп, ԥхьаӡашьак змам ажәлар ду. 9 Иҭ умаҵуҩы аӡырҩра аазырԥшуа агәы, ужәлар рус иӡбаларц азы, ацәгьеи абзиеи еиҩидырааларц азы, мамзар ԥхьаӡашьак змам* ари ажәлар рус аӡбара зласылшои?»

10 Иегова Соломон дзызиҳәаз игәаԥхеит. 11 Анцәа уи ус иеиҳәеит: «Ииашаны уӡбаларц азы аҟәыӷара уахьаҳәаз, ақәра дуи, амали, уаӷацәа рыԥсреи уахьамыҳәаз азы 12 сара уҳәара насыгӡоит, иҟәышу, аилкаара змоу агәы усҭоит. Уара уаԥхьа уара уҩыза дыҟамызт, уара ушьҭахьгьы дҟалаӡом. 13 Сара узмыҳәазгьы усҭоит — амали ахьӡ-аԥшеи. Уԥсы ҭанаҵы уара уҩыза аҳ дҟалаӡом. 14 Сзакәанқәеи сыԥҟарақәеи нагӡо, уаб Давид иеиԥш сымҩақәа урықәныҟәалар, ақәра ду усҭоит».

15 Соломон данааԥш, уи шыԥхыӡыз еиликааит. Иерусалимҟа даннеи, Иегова иеиқәшаҳаҭра аковчег аԥхьа днагылан, ирбылуа акәырбанқәеи аҭынчратә кәырбанқәеи неигеит, имаҵуцәа зегьы рзы ачара иуит.

16 Ҽнак зны ҩыџьа акаҳԥцәа аҳ иахь иаан, иаԥхьа иаагылеит. 17 Руаӡәк ус лҳәеит: «Саҳ, ухаҵкы, ари аԥҳәыси сареи ҩнык аҿы ҳаицынхоит, лара аҩны даныҟаз, сара ахшара дсоуит. 18 Хымш рышьҭахь ларгьы ахшара длоуит. Ҳара ҳада аҩны аӡәгьы дыҟаӡамызт. 19 Уахынла ари аԥҳәыс лԥа дыԥсит, избанзар диқәиан дылхәаҽит. 20 Аҵх агәазы дҩагылан, сара, умаҵуҩы, сыцәанаҵы, сыҷкәын дылган длыкәалыриеит*, иԥсыз лыҷкәын даалган, сара дсыкәалыриеит. 21 Ашьыжь схәыҷы акриҿасҵарц азы сангыла, дшыԥсыз збеит, аха ибзианы санихәаԥш, сара дшыстәымыз еилыскааит». 22 Егьи аԥҳәыс ус лҳәеит: «Мамоу, сара стәы иԥсы ҭоуп, бара бтәы иоуп иԥсыз!» Аха актәи аԥҳәыс ус лҳәеит: «Мамоу, бара бтәы иоуп иԥсыз, сара стәы иԥсы ҭоуп!» Убри еимакуа аҳ иҿаԥхьа игылан.

23 Аҵыхәтәаны аҳ ус иҳәеит: «Аӡәы илҳәоит: „Схәыҷы иԥсы ҭоуп, бара бтәы иоуп иԥсыз!“ — егьи илҳәоит: „Мамоу, бара бтәы иоуп иԥсыз, сара стәы иԥсы ҭоуп!“» 24 Нас аҳәа аажәг ҳәа адҵа ҟаиҵеит. Аҳәа анаарга, 25 ус иҳәеит: «Зыԥсы ҭоу ахәыҷы деиҩшаны, избжа аӡәы илышәҭ, избжа егьи илышәҭ». 26 Усҟан зыԥсы ҭаз ахәыҷы дызтәыз аԥҳәыс лгәы ҭыԥсааит. Лхәыҷы даарыцҳалшьан, лгәы иамукәа, дӷьаҵәыӷьаҵәуа аҳ иҳәара далагеит: «Суҳәоит, саҳ, ухаҵкы, зыԥсы ҭоу ахәыҷы лара длыҭ. Суҳәоит, думшьын!» Егьи илҳәон: «Саргьы дыстәымхааит, баргьы дыбтәымхааит. Деиҩышәша!» 27 Усҟан аҳ адҵа ҟаиҵеит: «Дшәымшьын ахәыҷы, актәи аԥҳәыс длышәҭ, лара лоуп иан».

28 Израильаа зегьы аҳ идикылаз аӡбара атәы анраҳа, аҳ иахь аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара рызцәырҵит. Дара еилыркааит Анцәа уи ииашоу аӡбарақәа рыдкыларазы аҟәыӷара шииҭаз.

4 Аҳ Соломон Израиль зегь дахагылан. 2 Абар иара иҿы амаҵ зуаз ачынуаа: Цадо́к иԥа Аза́риа дыԥшьаҩын; 3 Ши́ша иԥацәа Елихоре́фи А́хиеи маӡаныҟәгаҩцәан; Ахилу́д иԥа Иосафа́т ҭоурыхынҵаҩын; 4 Иода́и иԥа Бена́иа аруаа реиҳаб иакәын; Цадо́ки Авиафа́ри ԥшьаҩцәан; 5 Нафа́н иԥа Аза́риа ахылаԥшыҩцәа дырхагылан; Нафа́н иԥа Заву́д дыԥшьаҩын, аҳ иҩыза* иакәын; 6 Ахиша́р аҳҭынра дахылаԥшуан; А́вда иԥа Адонира́м аҳ иҿы аус зуаз зхы иақәиҭымыз аусуцәа дырхагылан.

7 Израиль зегь аҿы Соломон иман аҳ иҩнаҭеи иареи фатәыла еиқәзыршәоз 12-ҩык ахылаԥшыҩцәа. Дасу шықәсык ахь мызкы аҳ фатәыла деиқәиршәон. 8 Урҭ абарҭ ракәын: Хур иԥа — Ефрем ашьхақәа рҿы; 9 Деке́р иԥа — Мака́ц, Шаалви́м, Бет-Шеме́ш, Ело́н-Бет-Хана́н рҿы; 10 Хесе́д иԥа — Арубо́т аҿы (иара инапаҵаҟа иҟан Со́хо, насгьы Хефе́р адгьыл зегьы); 11 Авинада́в иԥа — дортәи ахәқәа рҿы (уи Соломон иԥҳа Тафа́т ԥҳәысс дигеит); 12 Ахилу́д иԥа Баа́на — Таана́х, Меги́ддо, иара убас Царта́н азааигәара, Изрее́ль аҵаҟа иҟоу Бет-Шеа́н зегь аҿы, Бет-Шеа́н инаркны Аве́л-Мехо́ланӡа, иара убас Иокмеа́мынӡа; 13 Геве́р иԥа — Рамо́т-Галаа́д аҿы (иара инапаҵаҟа иҟан Мана́ссиа иԥа Иаи́р галаадтәи иқыҭақәа, иара убас Баша́н иҟоу аҳабла Арго́в: абҩа иалхыз алыкәқәа змаз аҭӡамцқәа ахьыҟаз ақалақь дуқәа 60); 14 И́ддо иԥа Ахинада́в — Маханаи́м аҿы; 15 Ахимаа́ц — Неффали́м идгьыл аҿы (иара Соломон иԥҳа Басема́т ԥҳәысс дигеит); 16 Хуша́и иԥа Баа́на — Аси́р идгьыл аҿы, иара убас Беало́т аҿы; 17 Паруа́х иԥа Иосафа́т — Иссаха́р идгьыл аҿы; 18 Е́ла иԥа Шиме́и — Вениами́н идгьыл аҿы; 19 У́ри иԥа Геве́р — Галаа́д аҿы, даҽакала иуҳәозар, аморе́иаа раҳ Сихо́ни башантәи аҳ Оги рыдгьыл аҿы. Арҭ ахылаԥшыҩцәа даҽа хылаԥшҩык дырхагылан.

20 Амшын аҟәара иқәыԥсоу аԥслымӡ еиԥш ԥхьаӡашьак змамыз аиудеиааи израильааи акрырфон, акрыржәуан, насыԥ рыман.

21 Соломон Евфрат инаркны филисти́маа рыдгьыл аҟынӡа, иара убас Египет аҳәаа аҟынӡа аҳрақәа зегьы инапаҵаҟа иҟан. Урҭ аҳрақәа Соломон ашәахтә изыршәон, насгьы иԥсы ҭанаҵы имаҵ руан.

22 Соломон иаҳҭынраҿы есыҽны абриаҟара афатә цон: 30 кор* игәӡаны илагаз ачашыла, 60 кор* иџьаџьаны илагаз ачашыла, 23 иԥсылаз ацәқәа 10, аҳәырҭақәа рҟынтә иаагаз ацәқәа 20, ауасақәа 100, абынҽацәқәеи, агазельқәеи, ашьабысҭақәеи, иԥсылаз акәукәуқәеи аламҵаӡакәа. 24 Иара Евфрат арахьтәи аган аҿы* иҟаз зегь напхгара азиуан, Типса́х инаркны Газанӡа, аӡиас арахьтәи аган аҿы иҟаз аҳцәа зегьы. Идгьыл зегь аҿы, уи аҳәаақәа рҿгьы, аҭынчра ыҟан. 25 Соломон аҳра аниуаз аиудеиааи израильааи Дан инаркны Бее́р-Ше́ванӡа ҭынч инхон, дасу иӡахәа амҵани илаҳа амҵани.

26 Соломон иман аҽыуардынқәа ирыҵаркуаз аҽқәа рзы 4 000* ҽҭреи 12 000* ҽи.

27 Ахылаԥшыҩцәа дасу имзазы аҳ Соломони истол ицахатәаны акрыицызфоз зегьи фатәыла еиқәдыршәон. Дара ак агымхарц иахылаԥшуан. 28 Дара аҽыуардынқәа ирыҵакыз аҽқәеи егьырҭ аҽқәеи рзы ачаԥшьи аҭәеи иахьаҭахыз иааргон. Дасу шаҟа ихәҭаз ааигон.

29 Анцәа Соломон зеиԥшыҟам аҟәыӷареи аилкаареи ииҭеит, иара убас ииҭеит амшын аҟәара иқәыԥсоу аԥслымӡ еиԥш иузымԥхьаӡо адырра дуқәа. 30 Соломон иҟәыӷара Мрагылара инхоз зегьы рҟәыӷареи Египет аҟәыӷареи ираԥысуан. 31 Иара зегь раасҭа дҟәыӷан, Зера́х ишьҭра иатәыз Ета́н иаасҭагьы дҟәыӷан, Махо́л иԥацәа Хема́ни, Халко́ли, Да́рдеи раасҭагьы дҟәыӷан. Убас ихьӡ икәша-мыкәша инхоз ажәларқәа зегь рҟынӡа инеит. 32 Соломон 3 000 жәамаана ихәыцит*, насгьы 1 005 ашәа аԥиҵеит. 33 Иара аҵиаақәа рыӡбахә иҳәон, ливантәи акедрқәа инадыркны аҭӡамц аҿы изызҳауа аиссоп аҟынӡа, иара убас аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи, аԥсыӡқәеи, егьырҭ ашамҭақәеи дрылацәажәон*. 34 Соломон иажәа ҟәышқәа раҳарц азы ажәларқәа зегь рҟынтә ауаа аауан, иҟәыӷара аӡбахә заҳахьаз аҳцәагьы* аауан.

5 Тиртәи аҳ Хира́м Соломон иаб Давид иҭыԥан аҳас дшыҟарҵаз* аниаҳа, аҳ иахь имаҵуцәа ишьҭит, избанзар иара еснагь Давид диҩызан*. 2 Усҟан Соломон Хира́м абас изынаицҳаит: 3 «Уара иудыруеит саб Давид иааикәыршаны иҟаз иаӷацәа дышрабашьуаз, Иегова урҭ ишьапаҿы ишьҭеиҵаанӡа, убри азы Инцәа Иегова ихьӡ азы аҩны шизмыргылоз. 4 Аха сара Сынцәа Иегова иаасыкәыршаны аҭынчра сиҭеит, исҿагылоу ҳәа уаҩ дыҟам, рыцҳарак ыҟам. 5 Убри аҟынтә сара Сынцәа Иегова ихьӡ азы аҩны сыргылар сҭахуп, Иегова саб Давид дшақәиргәыӷхьаз еиԥш: „Уара ушьҭахь уаҳраҭыԥ аҿы исыртәо уԥа иоуп сыхьӡ азы аҩны зыргыло“. 6 Ливан акедрқәа сызԥырҟарц адҵа ҟаҵа. Смаҵуцәа умаҵуцәа аус рыцрулоит, умаҵуцәа рзы шаҟа уҳәо узысшәоит. Иумдыруеи ҳара ҳҿы сидо́наа реиԥш аҵлақәа ԥызҟо шыҟам».

7 Хира́м Соломон ииҳәаз аниаҳа, даараӡа дгәырӷьан, абас иҳәеит: «Хьӡи-ԥшеи ирҭалааит Иегова, избанзар иара Давид ари ажәлар ду* напхгара рзиуларц азы аԥа ҟәыш дииҭеит». 8 Анаҩс Хира́м Соломон абас изынаицҳаит: «Сара уҳәара саҳаит, иуҭаху зегь ҟасҵоит, акедр қыдқәеи аможжевельник қыдқәеи усҭоит. 9 Сусуцәа урҭ Ливанынтәи амшын ахь илбааргоит, сара урҭ еидҳәаланы амшын ихысҵоит, иахьуҳәо аҭыԥ ахь иназгоит, уа еилысхуеит, нас уантәи иугап. Уи ацынхәрас сыҳәара наугӡоит, сыҩнгьы фатәыла еиқәуршәалоит».

10 Хира́м Соломон шаҟа иҭахыз акедр қыдқәеи аможжевельник қыдқәеи изишьҭуан. 11 Соломон иакәзар, Хира́м иҩназы 20 000 кор* ачарыци 20 кор* иреиӷьӡаз амаслинахәшеи ишьҭуан. Абри зегьы есышықәса Соломон Хира́м ииҭон. 12 Иегова Соломон аҟәыӷара ииҭеит, ишиҳәахьаз еиԥш. Хира́ми Соломони аҭынчра рыбжьан, дара аиқәшаҳаҭрагьы рыбжьарҵеит.

13 Аҳ Соломон Израиль зегь аҟынтә иара иҿы аусура здиҵаз 30 000-ҩык аусуцәа еизигеит. 14 Иара Ливанҟа идәықәиҵон мызкахь 10 000-ҩык. Дара мызкы Ливан аус руан, ҩымз аҩны иҟан. Нас даҽа 10-000-ҩык ишьҭуан. Зхы иақәиҭымыз аусуцәа Адонира́м дырхагылан. 15 Соломон иман еиуеиԥшым аусқәа назыгӡоз* 70 000-ҩык ауааи ашьхараҿы 80 000-ҩык ахаҳәцәыҩцәеи, 16 иара убас аусуцәа ирхагылаз 3 300-ҩык аиҳабацәеи. 17 Аҳ иусԥҟала дара зыхә ҳаракыз ахаҳә дуқәа ыҵырхуан, аҩны ашьаҭа ицәу ахаҳәқәа рыла ишьҭарҵарц азы. 18 Соломони Хира́ми рыргылаҩцәеи гева́лааи ахаҳәқәа рцәуан, насгьы аҩны аргыларазы ақыдқәеи ахаҳәқәеи дырмазеиуан.

6 480-тәи ашықәс азы израильаа* Египет ианалҵ ашьҭахь, Соломон Израиль аҳра аура даналага аԥшьбатәи ашықәс зив* амзазы, аҩбатәи амзазы, Соломон Иегова иҩны* аргылара далагеит. 2 Соломон Иегова изы иргылаз аҩны аура 60 мышьхәылҵ иҟан, аҭбаара 20 мышьхәылҵ иҟан, аҳаракыра 30 мышьхәылҵ иҟан*. 3 Аныҳәарҭа иаҿаԥшьыз аҩналарҭа аура* 20 мышьхәылҵ иҟан. Уи аҩны аҭбаара иаҟаран. Иара аҩны аԥхьа 10 мышьхәылҵк* иаԥыҳәҳәон.

4 Соломон аҩны иеиҭеит адәахьала иҭшәаз, аҩныҵҟала иҭбааз аԥенџьыр акылҳарақәа. 5 Нас аҩны аҭӡамцқәа инарываршәны иаҿаԥшьны ахыбра ҟаиҵеит, аныҳәарҭеи* аҩныҵҟатәи ауадеи* иаарыкәыршаны, нас иаҿаԥишьыз аҿы иаакәыршаны ауадақәа аиҭеит. 6 Иаҿаԥшьыз ахыбра актәи аихагылаҿы иҟаз ауадақәа рыҭбаара хә-мышьхәылҵк* иҟан, аҩбатәи аихагылаҿы — ф-мышьхәылҵк* иҟан, ахԥатәи аихагылаҿы — быжь-мышьхәылҵк* иҟан. Аҩны иаакәыршаны аҭӡамц ҵаҟатәи аихагылаҿы аасҭа хыхьтәи аихагылаҿы еиҳа иҭшәаны иҟаиҵеит, еихагылацыԥхьаӡа аӷәқәа зқәырҵоз аԥыҳәҳәақәа аиуртә еиԥш, аҭӡамц аԥҽра рықәымшәарц азы.

7 Аҩны ахаҳәԥҟарҭаҿы ирцәуаз ахаҳәқәа рыла идыргылон, убри аҟынтә аихоума, жьаҳәоума, изакәызаалак аихатә мыруагак абжьы уаҳауамызт. 8 Иаҿаԥшьыз ахыбра ҵаҟатәи аихагылаҿы иҟаз ауадақәа рахь аҩналарҭа аҩны аладатәи* аган аҿы иҟан. Еикәаҵәиуа иҟаҵаз амардуан ала аҩбатәи аихагылахь ухалон, аҩбатәи аихагыла аҟынтә ахԥатәи ахь ухалон. 9 Соломон аҩны аргылара дшаҿыц даҿын, аргылара хиркәшаанӡа. Иара ахыб акедр балкақәеи аӷәқәеи рыла ихыбит. 10 Аҩны иаакәыршаны зыҳаракыра хә-мышьхәылҵк иҟаз ауадақәа аиҭеит, урҭ ауадақәеи аҩни акедр ӷәқәа рыла еиԥшьын.

11 Иегова Соломон ус иеиҳәеит: 12 «Иусҭаз азакәанқәеи, аԥҟарақәеи, ақәҵарақәеи зегьы урықәныҟәалар, урҭ инарықәыршәаны унхалар, уара иузкны, иургыло аҩнгьы иазкны уаб Давид исҭахьаз ажәа насыгӡоит. 13 Сара израильаа срыланхалоит, сыжәлар Израиль аансыжьӡом».

14 Соломон аҩны аргылара дшаҿыц даҿын, аргылара хиркәшаанӡа. 15 Иара аҩны аҩныҵҟа аҭӡамцқәа акедр ӷәқәа рыла ихиҟьеит, адашьма инаркны аҭуан аҟынӡа, адашьма ахаҭа аможжевельник ӷәқәа ықәиҵеит. 16 Нас аҩны ашьҭахьтәи аҭӡамц аҟынтә 20 мышьхәылҵ ишәан, адашьма инаркны аҭуан аҟынӡа акедр ӷәқәа рыла еиҩкааны, аҩныҵҟатәи ауада ҟаиҵеит — Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ. 17 Аныҳәарҭа*, ауада аԥхьа иҟаз аҩны ахәҭа, 40 мышьхәылҵ* иҟан. 18 Аҩны аҩныҵҟа аҭӡамцқәа злахҟьаз акедр ӷәқәа рҿы абнатә карпыжәқәеи* ашәҭқәеи ҭаԥҟаны иҟаҵан. Зегьы акедр ала ихҟьан, ахаҳә ааԥшӡомызт.

19 Аҩны аҩныҵҟа Соломон аҩныҵҟатәи ауада ирмазеит Иегова иеиқәшаҳаҭра аковчег иргыларц азы. 20 Уи ауада аура 20 мышьхәылҵ иҟан, аҭбаара 20 мышьхәылҵ иҟан, аҳаракыра 20 мышьхәылҵ иҟан*. Иара уи ахьы цқьала ихиҟьеит, акәырбаннагарҭа — акедр ала ихиҟьеит. 21 Соломон аҩны аҩныҵҟа ахьы цқьала ихиҟьеит, насгьы хьыла ихҟьаз аҩныҵҟатәи ауада аԥхьа ахьтәы зынџьыр* кнеиҳаит. 22 Иара аҩны зегь хьыла ихиҟьеит, аҩныҵҟатәи ауада аԥхьа игылаз акәырбаннагарҭагьы ахы инаркны аҵыхәанӡа хьыла ихиҟьеит.

23 Аҩныҵҟатәи ауадаҿы аԥса* иалхны ҩ-херувимк ҟаиҵеит, урҭ роура жәаба-жәаба мышьхәылҵ иҟан. 24 Херувимк иамаз аҩмҵәыжәҩак хәба-хәба мышьхәылҵ иҟан, мҵәыжәҩак ахы инаркны егьи амҵәыжәҩа ахы аҟынӡа жәа-мышьхәылҵк ыҟан. 25 Егьи ахерувимгьы жәа-мышьхәылҵк иҟан. Аҩхерувимкгьы еиҟаран, иагьеиԥшын. 26 Аҩхерувимкгьы роурақәа жәаба-жәаба мышьхәылҵ иҟан. 27 Нас Соломон ахерувимқәа аҩныҵҟатәи ауада* иҩнаиргылеит. Ахерувимқәа рымҵәыжәҩақәа убас еиҵыхын, херувимк амҵәыжәҩа ҭӡамцк иадкьыслон, егьи ахерувим амҵәыжәҩа егьи аҭӡамц иадкьыслон. Егьырҭ амҵәыжәҩақәа аҩны агәҭа еидкьыслон. 28 Иара ахерувимқәагьы хьыла ихиҟьеит.

29 Аҩны аҭӡамцқәа зегьы рҿы, аҩныҵҟатәи ауадақәеи адәахьтәи ауадақәеи рҿы, ахерувимқәеи, апальмақәеи, ашәҭқәеи ҭаԥиҟеит. 30 Аҩныҵҟатәи ауадақәеи адәахьтәи ауадақәеи рҿы адашьма хьыла ихиҟьеит. 31 Аҩныҵҟатәи ауада аҩналарҭа аҳасабала аԥса иалхны ашәқәа ҿеиҵеит, аганқәа рҿы ашьаҟақәа иргылеит, ахәбатәи ахәҭа* аҳасабала ашәвазқәа аиҭеит. 32 Аԥса иалхыз аҩшәыкгьы рҿы ахерувимқәеи, апальмақәеи, ашәҭқәеи ҭаԥиҟеит, нас урҭ хьыла ихиҟьеит. Иара ахерувимқәеи апальмақәеи хьыла ихиҟьеит. 33 Аныҳәарҭа аҩналарҭа азгьы аԥшьбатәи ахәҭа* аҳасабала аԥса иалхыз ашәвазқәа ҟаиҵеит. 34 Соломон аможжевельник иалхны ҩ-шәык ҟаиҵеит. Аҩшәыкгьы ҩба-ҩба ҿы рыман, урҭ агәыцәқәа инадырҳәы-аадырҳәуан. 35 Иара ахерувимқәеи, апальмақәеи, ашәҭқәеи ҭаԥиҟан, иҭаԥиҟаз иҵаӷаны хьыла ихиҟьеит.

36 Соломон иара убас ԥшь-радкны еиқәыз аҭӡамц иргылан, аҩныҵҟатәи ашҭа ҟаиҵеит, х-радк — ицәыз ахаҳәқәа рыла еиқәын, радк — акедр ӷәқәа рыла.

37 Иегова иҩны ашьаҭа шьҭаҵан Соломон аҳра аниуаз аԥшьбатәи ашықәсазы зив амзазы. 38 Жәеизатәи ашықәсазы бул* амзазы (даҽакала иуҳәозар, аабатәи амзазы) аҩны аргылара аҵыхәтәанынӡа ихыркәшан. Зегьы аҩны аплан инақәыршәаны иҟаҵан. Соломон уи быжь-шықәса иргылон.

7 Соломон ихазы аҩны* иргылеит. Уи аргылара 13 шықәса агеит.

2 Иара убас Ливантәи абна захьӡыз аҩны иргылеит. Уи аура 100 мышьхәылҵк иҟан, аҭбаара 50 мышьхәылҵ иҟан, аҳаракыра 30 мышьхәылҵ иҟан*. Аҩны ԥшь-радкны ицоз акедр иалхыз ашьаҟақәа аҵагылан, ашьаҟақәа акедр ӷәқәа рықәҵан. 3 Ашьаҟақәа абалкақәа рықәын, абалкақәа акедр рықәын: ашьаҟақәа 45 цыра ыҟан, радцыԥхьаӡа жәохә-жәохә. 4 Аԥенџьыр акылҳарақәа х-радкны ицон. Радк егьи арад ахагылан, ԥенџьырк аҿаԥхьа егьи аԥенџьыр ыҟан. 5 Ашәқәеи аҩналарҭақәеи х-радкны еихагылаз аԥенџьырқәа ирымаз аформа аҩыза рыман — рганқәа еиҟаран*.

6 Иара Агәашьақәа рбарҵа иргылеит. Уи аура 50 мышьхәылҵ иҟан, аҭбаара 30 мышьхәылҵ иҟан*. Уи аԥхьа агәашьақәа зҵагылаз, насгьы иаԥыҳәҳәо ахыб змаз даҽа барҵакгьы ыҟан.

7 Соломон иара убас Аӡбарҭатә зал иргылеит. Уа иара иаҳраҭыԥ дықәтәаны аусқәа иӡбон. Аҩныҵҟа адашьма инаркны аҭуан аҟынӡа кедрла ихиҟьеит.

8 Дахьынхоз аҩны даҽа шҭак иҭагылан, Азал иадҳәалаӡамызт, хазы игылан, Азал еиԥшҵәҟьагьы иҟаҵан. Соломон уи Азал иеиԥшны ԥҳәысс иигаз афараон иԥҳа лзгьы аҩны иргылеит.

9 Убарҭ ахыбрақәа зегьы — ашьаҭа инаркны ақәцә аҟынӡа, адәахьтәи аган инаркны ашҭа ду аҟынӡа — хәархьла аганқәа зегь ԥҟаны, иаҭахыз ауреи аҭбаареи аҭаны иҟаҵаз зыхә цәгьаз ахаҳәқәа рыла иргылан. 10 Ашьаҭаҿы жәаба-жәаба мышьхәылҵи* ааба-ааба мышьхәылҵи* иҟаз зыхә цәгьаз ахаҳә дуқәа шьҭаҵан. 11 Урҭ иаҭахыз ауреи аҭбаареи аҭаны зыхә цәгьаз ахаҳәқәеи акедр ӷәқәеи рықәын. 12 Ашҭа ду ԥшь-радкны еиқәыз аҭӡамц акәыршан, х-радк — ицәыз ахаҳәқәа рыла еиқәын, радк — акедр ӷәқәа рыла, Иегова иҩны аҩныҵҟатәи ашҭеи аҩны иаҿаԥшьыз аҩналарҭеи реиԥш.

13 Аҳ Соломон Тирҟа ауаа ишьҭит Хира́м дааргарц азы. 14 Иара Неффали́м ишьҭра иатәыз аԥҳәысеиба лыҷкәын иакәын. Тир иатәыз иаб дыбҩаҟазан. Хира́м адыррақәеи аԥышәеи иман, иус дазҟазан, абҩа* иалхны изыҟамҵоз акгьы ыҟаӡамызт. Иара аҳ Соломон иахь даан, иарҳәаз зегь ҟаиҵеит.

15 Иара абҩа иалхны 18 мышьхәылҵ* иҟаз ҩ-гәашьак ҭаирҭәеит, гәашьак иаакәыршаны иушәарц азы 12 мышьхәылҵ* иҟаз ашаха уҭаххон. 16 Иара убас абҩа иалхны ҩ-капительк ҟаиҵан, агәашьақәа ирхаиргылеит. Аҩкапительк роурақәа хәба-хәба мышьхәылҵ иҟан*. 17 Агәашьақәа ирхагылаз акапительқәа азынџьырқәа* рыла иҟаҵаз асеткақәа рыла ирԥшӡан, аҩкапителькгьы быжьба-быжьба сетка рыман. 18 Нас иара асеткақәа зегь иаарыкәыршаны ҩ-радкны амыҵмыџьқәа аиҭеит, акапительқәа хиҩарц азы. Убас аҩкапительк рҿы иҟаиҵеит. 19 Аҩналарҭа аԥхьа игылаз агәашьақәа ирхагылаз акапительқәа алилиа рнын, ԥшь-мышьхәылҵкгьы* иҟан. 20 Алилиа асеткеи ҩ-радкны еиқәыз 200 мыҵмыџьи ахьыҟаз акапитель амгәа иахагылан.

21 Хи́рам агәашьақәа аныҳәарҭа* аҩналарҭа аԥхьа иргылеит. Гәашьак арыӷьарахь ала* иргылан, Иахи́н* ахьӡиҵеит, егьи агәашьа арымарахь ала* иргылан, Боа́з* ахьӡиҵеит. 22 Акапительқәа алилиа иеиԥшны иҟаҵан. Убас агәашьақәа ирыдҳәалаз аусқәа зегь хыркәшан.

23 Нас ирҭәоу абҩа иалхны амшын* ҟаиҵеит. Уи ганкы инаркны егьи аган аҟынӡа 10 мышьхәылҵк иҟан, аҳаракыра 5 мышьхәылҵк иҟан; иаакәыршаны иушәарц азы 30 мышьхәылҵ иҟаз ашаха уҭаххон. 24 Амшын иаакәыршаны аганқәа рҿы абнатә карпыжәқәа* анын, мышьхәылҵк аҿы жәаба-жәаба. Акарпыжәқәа ҩ-радкны ицон, урҭ амшын иацҭарҭәан. 25 Амшын 12 цәы ирықәгылан: х-цәык аҩадаҟа иԥшуан, х-цәык мраҭашәарахь иԥшуан, х-цәык аладаҟа иԥшуан, х-цәык мрагыларахь иԥшуан. Ацәқәа рҵыхәақәа амшын агәҭахьы иԥшуан. 26 Амшын ашәпара маҿак* иҟан, ахы аҟәџьал ахы иеиԥшын, алилиа асахьа аман. Уи 2 000 бат* ҭан.

27 Нас абҩа иалхны 10 кәырҷыжьк* ҟаиҵеит. Зегьы роура ԥшьба-ԥшьба мышьхәылҵ иҟан, рыҭбаара ԥшьба-ԥшьба мышьхәылҵ иҟан, рыҳаракыра хԥа-хԥа мышьхәылҵ иҟан*. 28 Абар акәырҷыжьқәа шыҟаҵаз: урҭ аихацла иҟаҵаны еибаркын, иаакәыршаны абҩа иалхны аганқәа ҭаԥсан. 29 Аихацқәа рыбжьара аганқәеи аихацқәа рхаҭеи алымқәеи, ацәқәеи, ахерувимқәеи рнын, алымқәеи ацәқәеи рхани рыҵаҟеи ирхәа-ырхәаны иҟаҵаз арԥшӡагақәа аман. 30 Акәырҷыжьқәа зегьы абҩа иалхыз агәыцәқәа ирҭагьежьуаз абҩа иалхыз ԥшь-гьежьык* рыҵан. Урҭ агьежьқәа акәырҷыжь ҟацаӡа изкыз акәакьқәа рҿы ирымаз ԥшь-ркыгак ирыдҟаҵалан. Ачан аҵаҟа ирхәа-ырхәаны иҟаҵаз арԥшӡагақәа рыла ирԥшӡаз аҵаргәақәа ыҟан, аҵаргәақәеи арԥшӡагақәеи еицҭарҭәан. 31 Ачан зықәгылаз аҳаракыра мышьхәылҵки бжаки* иҟан. Уи акәырша аҟынтә мышьхәылҵк* иаԥыҳәҳәон. Ачан гьежьын, иаакәыршаны иҭаԥҟаны иҟаз арԥшӡагақәа рыла ирԥшӡан. Аганқәа рҿы иҭаԥсаз гьежьӡамызт, рганқәа еиҟаран. 32 Урҭ рыҵаҟа акәырҷыжь иаҵагылаз ԥшь-гьежьык ыҟан. Агьежьқәа рыҳаракыра мышьхәылҵки бжаки иҟан. 33 Урҭ агьежьқәа аҽыуардын агьежьқәа реиԥш иҟаҵан. Реибаркыгақәеи, ркәыршақәеи, рыҵәқәеи, рмыргәқәеи* ҭарҭәаны иҟаҵан. 34 Акәырҷыжьқәа зегьы рыԥшькәакьк рҿы ԥшьба-ԥшьба ркыга рыман, акәырҷыжьқәеи дареи еицҭарҭәан. 35 Акәырҷыжь аханы мышьхәылҵбжак* иҳаракыз акәырша аман. Уи зкызи акәырҷыжь хыхьтәи аганқәа ирҭаԥсази акәырҷыжьи дареи еицҭарҭәаны иҟаҵан. 36 Нас аркыгақәа рҿи аганқәа рҿы иҭаԥсаны иҟаҵаз рҿи аҭыԥ ахьҭацәыз ахерувимқәеи, алымқәеи, апальмақәеи ҭаԥҟаны иҟаиҵеит, насгьы иаакәыршаны ирхәа-ырхәаны арԥшӡагақәа аиҭеит. 37 Абасоуп иара 10 кәырҷыжьк шыҟаиҵаз: урҭ зегьы еиԥшны иҭарҭәан, еиҟаран, формак акәын ирымаз.

38 Соломон абҩа иалхны 10 чанк ҟаиҵеит, акәырҷыжьқәа зегьы рзы акака. Ачанқәа зегьы ҩынҩажәа-ҩынҩажәа бат* ркуан, ԥшьба-ԥшьба мышьхәылҵ* иҟан. 39 Иара 5 кәырҷыжьк аҩны арыӷьарахьтәи аганахь ала иргылеит, 5 кәырҷыжьк — арымарахьтәи аганахь ала. Амшын аҩны арыӷьарахьтәи аганахь ала иргылеит, алада-мрагыларахь.

40 Хира́м иара убас аҭәырӷәқәеи, алагьанқәеи, агәыблаақәеи ҟаиҵеит.

Иара Иегова иҩназы аҳ Соломон иҿы дызҿыз аус зегь хиркәшеит. 41 Абар иара иҟаиҵаз: агәыблаа асахьа змаз акапительқәа зхагылаз ҩ-гәашьак; агәашьақәа ирхагылаз акапительқәа зырԥшӡоз ҩ-сеткак; 42 ҩ-сеткак рзы 400 мыҵмыџь — аҩсеткак рзы ҩ-радкны ицоз амыҵмыџьқәа, агәашьақәа ирхагылаз акапительқәа хырҩарц азы; 43 10 кәырҷыжьки урҭ акәырҷыжьқәа рзы 10 чанки; 44 амшыни уи иаҵагылаз 12 цәи; 45 аведрақәа, аҭәырӷәқәа, алагьанқәа, иара убас аныҳәарҭа иатәыз егьырҭ амаҭәарқәа. Хира́м Иегова иҩназы аҳ Соломон изыҟаиҵаз зегьы ицырцыруа иҟаҵаз абҩа иалхын. 46 Аҳ абри зегьы анышәаԥшь иалхыз аформақәа рҿы иҭаирҭәон. Иара уи Сукко́ти Царта́ни рыбжьара Иордантәи акаршәраҿы* иҟаиҵон.

47 Соломон урҭ зегьы рыкапанра даламгаӡеит, избанзар ԥхьаӡашьак рымамызт, абҩагьы шаҟа цаз рыздыруамызт. 48 Соломон Иегова иҩназы иаҭахыз амаҭәарқәа зегь ҟаиҵеит: ахьы иалхыз акәырбаннагарҭа, иԥшьоу ача* зқәырҵоз ахьы иалхыз астол, 49 аҩныҵҟатәи ауада аҿаԥхьа ахьы цқьа иалхыз алашарбагақәа (5 арыӷьарахь, 5 арымарахь), ахьы иалхыз ашәҭқәа, акәаҷабқәа, ацыблыхақәа зламырхуа амашьақәа, 50 алагьанқәа, афҭилԥҟагақәа, агәыблаақәа, аҵәцақәа, акәицқәа зҭарыԥсоз (зегьы ахьы цқьа иалхын), насгьы аҩныҵҟатәи ауада, даҽакала иуҳәозар, Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ ашәқәа ргәыцәқәа зҭагьежьуаз, иара убас аныҳәарҭа ашәқәа. Урҭгьы ахьы иалхын.

51 Аҳ Соломон Иегова иҩны иаҭахыз зегь ҟаиҵеит. Нас иара иаб Давид Анцәа изикыз* араӡни, ахьи, егьырҭ амаҭәарқәеи ааиган, Иегова иҩны ахазынаҭра иҭеиҵеит.

8 Аҳ Соломон израильтәи аиҳабацәа зегь еизигеит — израильтәи абиԥарақәа рхадацәеи абшьҭрақәа реиҳабацәеи. Дара Иерусалимҟа Соломон иахь иааит Давид иқалақь аҟынтә, даҽакала иуҳәозар, Сионынтәи, Иегова иеиқәшаҳаҭра аковчег ааргарц азы. 2 Абыжьбатәи амзазы, етаним* амзазы, израильаа зегьы аныҳәа* азгәарҭарц аҳ Соломон иҿаԥхьа еизеит. 3 Израильтәи аиҳабацәа зегь анаа, аԥшьаҩцәа аковчег шьҭырхит. 4 Дара Иегова иеиқәшаҳаҭреи, аиқәшәара ақьалеи, ақьалаҿы иҟаз Анцәа имаҵ ауразы рхы иадырхәоз иԥшьоу амаҭәарқәеи Анцәа иҩнахьы ирыманы ицеит. Урҭ аԥшьаҩцәеи алевитцәеи иргон. 5 Аҳ Соломони иара иахь иааз израильаа зегьи аковчег аԥхьа еизеит. Кәырбанс инаргаз ауасақәеи ацәқәеи убриаҟара ирацәан, иагьузыԥхьаӡомызт.

6 Нас аԥшьаҩцәа Иегова иеиқәшаҳаҭра аковчег аҩныҵҟатәи ауада — Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ — иҩнаргалан, иазалхыз аҭыԥ аҿы идыргылеит, ахерувимцәа рымҵәыжәҩақәа рыҵаҟа.

7 Ахерувимцәа рымҵәыжәҩақәа аковчег ахьгылаз аҭыԥ аханы еиҵыхын, убри аҟынтә аковчеги уи алабақәеи ахерувимцәа рымҵәыжәҩақәа иҟарҵоз ашәшьыра иҵакын. 8 Урҭ алабақәа убриаҟара иаун, рҵыхәақәа аҩныҵҟатәи ауада аҿаԥхьа Иԥшьоу аҭыԥ аҟынтә иубарҭан, аха адәахьала иубарҭаӡамызт. Урҭ уа уажәыгьы иҟоуп. 9 Аковчег ҩ-хаҳә ҟьаԥск рыда акгьы ҭаӡамызт. Моисеи урҭ уахь иҭеиҵеит Хори́в азааигәара, израильаа Египет ианалҵ ашьҭахь Иегова иареи дареи аиқәшаҳаҭра анрыбжьеиҵа.

10 Аԥшьаҩцәа аԥшьаҭыԥ ианыҩныҵ, аԥҭа Иегова иҩны ааиҩннарҭәааит. 11 Аԥҭа ахьыҟаз азы аԥшьаҩцәа уа изаанхаӡомызт, амаҵгьы рзуӡомызт, избанзар Иегова ихьӡ-иԥша Иегова иҩны ҩннарҭәааит. 12 Усҟан Соломон ус иҳәеит: «Иегова, уара иуҳәон аԥҭа еиқәаҵәаҿы ушыҟазаауа. 13 Сара уара узы аҩн ду сыргылеит, наӡаӡа уахьынхалаша аҭыԥ».

14 Нас аҳ израильтәи аизарахь ихы ирхан, дрықәныҳәеит. Аизара зегь гылан. 15 Аҳ иҳәеит: «Хьӡи-ԥшеи имазааит Иегова, Израиль Анцәа, саб Давид ажәа изҭаз, иагьыназыгӡаз*. Иара иҳәон: 16 „Сыжәлар Израиль Египет ианалызга аҽны инаркны, израильтәи абиԥарақәа рыбжьара сыхьӡ азы аҩны ахьсыргылаша қалақькгьы алсымхӡеит. Аха сара Давид далысхит, сыжәлар Израиль дахагыларц азы“. 17 Саб Давид даара иҭахын Израиль Анцәа Иегова ихьӡ азы аҩны иргылар. 18 Аха Иегова саб ус иеиҳәеит: „Уара даараӡа иуҭахуп сыхьӡ азы аҩны ургылар, уи аҩыза агәаҳәара ахьумоу бзиоуп. 19 Аха уи зыргыло иухылҵуа уԥа иоуп, уара уакәӡам. Иара сыхьӡ азы аҩны иргылоит“. 20 Иегова ииҳәаз наигӡеит, саб Давид ишьҭахь иаҳраҭыԥ аҿы сара стәеит, Израиль сахагылеит, Иегова ишиҳәахьаз еиԥш. Сара Израиль Анцәа Иегова ихьӡ азы аҩны сыргылеит, 21 аковчег азгьы аҭыԥ сырмазеит, уа Иегова ҳабацәа рабацәа Египет ианалига ашьҭахь иареи дареи ирыбжьеиҵаз аиқәшаҳаҭра зну ахаҳә ҟьаԥсқәа ҭоуп».

22 Соломон Иегова икәырбаннагарҭа аԥхьа, израильтәи аизара зегь аҿаԥхьа, инапқәа ажәҩан ахь ирхан, 23 ус иҳәеит: «Иегова, Израиль Анцәа, уара иуеиԥшу Нцәа дыҟам, хыхь ажәҩан аҿгьы, ҵаҟа адгьыл аҿгьы! Уара гәык-ԥсыкала умаҵ зуа умаҵзуҩцәа рахь гәыбылрала иҭәу абзиабара ааурԥшуеит, дареи уареи ишәыбжьоуҵаз аиқәшаҳаҭрагьы наугӡоит. 24 Уара саб Давид иоуҳәаз ҟауҵеит, ажәа иуҭан, иахьа инаугӡеит. 25 Уажәшьҭа, Израиль Анцәа Иегова, инагӡа саб Давид иоуҳәаз абарҭ ажәақәагьы: „Уҷкәынцәа сымҩақәа ирықәныҟәалар, уара уеиԥш сымаҵ рулар, иухылҵуа еснагь израильтәи аҳраҭыԥ аҿы итәазаауеит“. 26 Израиль Анцәа, инаӡааит саб Давид иуҭаз ари ажәагьы.

27 Дынхалома Анцәа адгьыл аҿы? Уара ажәҩани ажәҩанқәа рыжәҩани урызкуам, сара исыргылаз аҩны акәым! 28 Сынцәа Иегова, умаҵзуҩы иҳәара урҳа, иурҳа дӷьаҵәыӷьаҵәуа дзызуҳәо, дҵәааҵәаауа ацхырааразы иҟаиҵо аҳәара урҳа, иурҳа иахьа умаҵзуҩы уара уахь ирхо аҳәара. 29 Уахи-ҽни ари аҩны улаԥш ахызааит, абас ззуҳәаз аҭыԥ: „Уа сыхьӡ ыҟазаауеит“. Иурҳа умаҵзуҩы ари аҭыԥ ахь ихы рханы, уара уахь иҟаиҵо аҳәара. 30 Иурҳа умаҵзуҩы иҳәара, израильтәи ужәлар ари аҭыԥ ахь рхы рханы иануҳәо урзыӡырҩы. Ажәҩан аҟынтә, уахьынхо аҭыԥ аҟынтә, рыҳәарақәа урҳа, ааи, иурҳа, иагьранажь.

31 Аӡәы даҽаӡәы иҿаԥхьа агәнаҳа ҟаиҵар, насгьы дирқәыр*, иқәыз ари аҩнаҿы акәырбаннагарҭа аԥхьа дгылар, 32 уара ажәҩан аҟынтә уи иҳәара урҳа, насгьы умаҵзуҩцәа рус еилырга, ахара зду иҟаиҵаз азы иқәнага дақәыршәа, акгьы зхарам ииашаразы уизылԥханы, ихара ихых.

33 Израильтәи ужәлар уҿаԥхьа агәнаҳа ахьыҟарҵоз азы раӷа иԥыххааса ианықәиҵалак, нас уара уахь ихынҳәны ухьӡ анҳарарклак, ари аҩнаҿы уара уахь рхы рханы иануҳәалак, иӷьаҵәыӷьаҵәуа аҳәара аныҟарҵалак, 34 ажәҩан аҟынтә рыбжьы урҳа, израильтәи ужәлар рыгәнаҳа ранажь, рабацәа ируҭаз адгьыл ахь ирхынҳә.

35 Ужәлар уҿаԥхьа агәнаҳа ахьыҟарҵоз азы ажәҩан акны ақәа алеира ианаҟәыҵлак, нас дара ари аҭыԥ ахь рхы рханы иануҳәалак, ухьӡ анҳарарклак, иахьубжьаз азы рыгәнаҳа анаанрыжьлак, 36 ажәҩан аҟынтә рыбжьы урҳа, израильтәи ужәлар, умаҵзуҩцәа, рыгәнаҳа ранажь, изықәныҟәалаша умҩа дырба, ужәлар иртәхарц азы ируҭаз адгьыл ахь ақәа рзылашьҭ.

37 Ари адгьыл аҿы амлакра ма ачымазара ҿкы ҟалар, зегь ықәыццышәаа иқәызҵо аԥша аҵиаақәа зегь аблыр ма ичмазаҩхар*, асаранча пылыпылуа иалалар, аӷа уи адгьыл ақалақьқәа дакәшаны икыр, рыцҳарас, чмазарас иҟалалакгьы, 38 аӡә дуҳәар, ма израильтәи ужәлар зегь уара уахь рхы рханы аҳәара ҟарҵар, мамзаргьы уразра иаҳәар (дасу игәы иҭоу ахьаа идыруеит), рнапқәагьы ари аҩнахьы идырххар, 39 уара ажәҩан аҟынтә, уахьынхо аҭыԥ аҟынтә, рыбжьы урҳа, иранажь, аҭак рыҭ, дасу иусқәа инарықәыршәаны иқәнага дақәыршәа (уара уоуп дасу игәаҭа здыруа). 40 Усҟан дара ҳабацәа рабацәа ируҭаз адгьыл аҿы инхонаҵы иуцәшәалоит.

41 Израильтәи ужәлар иатәым атәымтәылауаҩы ихароу дгьылк аҟынтә ухьӡ аҳаҭыразы дааны, 42 (избанзар уа ухьӡ дуи унапы ӷәӷәала иҟауҵаз аусқәеи рыӡбахә раҳауеит), дааны, ари аҩнахьы ихы рханы дуҳәар, 43 уара ажәҩан аҟынтә, уахьынхо аҭыԥ аҟынтә, иҳәара урҳа, дзызуҳәо зегь ҟаҵа, адгьыл иқәынхо ажәларқәа зегьы ухьӡ рдыруазарц, израильтәи ужәлар шуцәшәо еиԥш иуцәшәаларц, исыргылаз ари аҩны ухьӡ шаху рдыруазарц.

44 Ужәлар раӷа иабашьырц азы иахьушьҭуа ицар, уара иалухыз ақалақь ахьи ухьӡ азы исыргылаз аҩнахьи рхы рханы, Иегова, уара иуҳәар, 45 ажәҩан аҟынтә рыҳәара урҳа, иӷьаҵәыӷьаҵәуа изызуҳәо урҳаны урыдгыл.

46 Умаҵзуҩцәа уҿаԥхьа агәнаҳа ҟарҵар (агәнаҳа ҟазымҵо уаҩ дыҟам), уара урҭ угәы рзыԥжәаны раӷацәа ируҭар, раӷацәа урҭ итҟәаны рыдгьыл ахь иргар, иахьыхароу ма иахьааигәоу, 47 уа, итҟәаны иахьырго адгьыл аҿы, рхы аҭыԥ аҿы иааины уара уахь ихынҳәыр, насгьы абас ҳәо уҳәара иалагар: „Ҳара агәнаҳа ҟаҳҵон, ацәгьара ҳуан, иҟаҳҵоз иашаӡамызт“, 48 насгьы итҟәаны изгаз раӷацәа рыдгьыл аҿы гәыкала, ԥсыкала* уара уахь ихьаҳәыр, рабацәа ируҭаз адгьыл ахь, уара иалухыз ақалақь ахь, сара ухьӡ азы исыргылаз аҩнахьы рхы рханы иуҳәар, 49 уара ажәҩан аҟынтә, уахьынхо аҭыԥ аҟынтә, рыҳәара урҳа, иӷьаҵәыӷьаҵәуа изызуҳәо урҳаны урыдгыл, 50 уҿаԥхьа агәнаҳа ҟазҵаз ужәлар иранажь, иранажь уҿаԥхьа иҟарҵаз рыцәгьоурақәа. Итҟәаны изгаз арыцҳашьара аадырԥшырц ргәазҭаҵа, ужәлар рыцҳаршьарц азы 51 (избанзар дара Египет иалугаз, аихарҭәагатә ԥечка иҭугаз ужәлар роуп, лымкаала уззыҟоу умазара). 52 Умаҵзуҩы дануҳәо, иҳәара урҳа, иурҳа израильтәи ужәлар рыҳәара, урзыӡырҩла урҭ ануҳәозаалакгьы*. 53 Амчра зегь знапаҿы иҟоу Ҳаҳ Иегова, уара урҭ егьырҭ ажәларқәа зегьы рҟынтә иалухын, рабацәа Египет ианалугоз умаҵзуҩы Моисеи ажәа шиуҭаз еиԥш уара иутәу, лымкаала уззыҟоу мазараны иҟауҵеит».

54 Соломон Анцәа иахь ихы рханы Иегова иҳәара данаҟәыҵ ашьҭахь, Иегова икәырбаннагарҭа аԥхьа ажәҩан ахь инапқәа рханы дшьамхышгыланы дахьгылаз аҭыԥ аҟынтә дҩагылеит. 55 Иара дҩагылан, ибжьы рдуны израильтәи аизара зегь дазылԥхан, ус иҳәеит: 56 «Хьӡи-ԥшеи имазааит Иегова, ишиҳәахьаз еиԥш сыжәлар Израиль аҭынчра рызҭаз. Имаҵзуҩы Моисеи ила иара урҭ изықәиргәыӷыз абзиарақәа рҟынтә акгьы мнаӡакәа инымхаӡеит. 57 Ҳанцәа Иегова ҳабацәа рабацәа дышрыцыз еиԥш ҳаргьы дҳацзааит, ҳаанимыжьааит, ҳагькаимыжьааит. 58 Ҳгәазҭеиҵааит имҩақәа рыла анхара, ҳгәазҭеиҵааит ҳабацәа рабацәа ириҭаз аԥҟарақәеи, азакәанқәеи, амҩақәҵарақәеи гәык-ԥсыкала рықәныҟәара. 59 Иегова иахь исырхаз сажәақәеи сыҳәареи Ҳанцәа Иегова уахи-ҽни игәалашәоз, имаҵзуҩи ижәлар Израильи дрыдгыланы ихьчаларц азы, уи анаҭаххо, 60 адгьыл иқәынхо ажәларқәа зегьы ирдыруазарц Иегова Анцәа ду шиакәу, иара ида Нцәа дшыҟам. 61 Шәгәы-шәыԥсы зегьы Ҳанцәа Иегова изкыз, изакәанқәеи иԥҟарақәеи шәрықәныҟәала, иахьа ишыҟашәҵо еиԥш».

62 Нас аҳи Израиль зегьи Иегова акәырбанқәа рацәаны изнаргеит. 63 Соломон Иегова аҭынчратә кәырбанқәа изнеигеит: иара инеигеит 22 000 ацәқәеи 120 000 ауасақәеи. Убас аҳи израильаа зегьи Иегова иҩны аартра азгәарҭеит.· 64 Уи аҽны аҳ Соломон Иегова иҩны аԥхьа ашҭа агәҭа иԥшьеит, уа ирбылуа акәырбанқәеи, кәырбанс инаргоз ачеи, аҭынчратә кәырбанқәа рышшеи наргаларц азы, избанзар Иегова иҩны аԥхьа игылаз абҩа иалхыз акәырбаннагарҭа ариаҟара акәырбанқәа акӡомызт, уи азы ихәыҷцәан. 65 Усҟан Соломони Израиль зегьи — зехьынџьарантәи иааз аизара ду, Лево́-Ха́мат* инаркны египеттәи аҳәааҿы ишьҭаз арха аҟынӡа — аныҳәа ҟарҵан, Ҳанцәа Иегова иҿаԥхьа бжьымшы иазгәарҭон, нас еиҭа бжьымшы, иааизакны 14 мшы. 66 Адырҩаҽны* Соломон ауаа ауишьҭит. Дара аҳ иқәныҳәан, ргәы ҭгәырӷьаауа, Иегова имаҵзуҩы Давиди ижәлар Израильи шаҟа абзиара рзыҟаиҵаз иеигәырӷьо рыҩныҟақәа рахь ицеит.

9 Соломон Иегова иҩни аҳ иҩни ргыланы даналга, иара убас ииҭахыз зегь аниргыла, 2 Иегова еиҭа Соломон дизцәырҵит, зны Гавао́н дышизцәырҵхьаз еиԥш. 3 Иегова уи ус иеиҳәеит: «Сара уҳәара саҳаит, исаҳаит сара сахь ухы рханы иҟауҵаз аҳәара. Сара иургылаз аҩны сыԥшьеит, сыхьӡ уа наӡаӡа иҟазарц азы. Уи есымша сылаԥш ахызаауеит, сыгәгьы есымша уа иҟазаауеит. 4 Уара ииашаны ухы мҩаԥугалар, уаб Давид иеиԥш гәык-ԥсыкала сымаҵ уулар, иуасҳәо зегь наугӡалар, сзакәанқәеи сыԥҟарақәеи урықәныҟәалар, 5 уаҳра Израиль наӡаӡа ишьақәсырӷәӷәоит, уаб Давид ишиасҳәахьаз еиԥш: „Иухылҵуа еснагь израильтәи аҳраҭыԥ аҿы итәазаауеит“. 6 Шәыҷкәынцәеи шәареи сааншәыжьыр, сзакәанқәеи сыԥҟарақәеи рықәныҟәара шәаҟәыҵыр, егьырҭ анцәақәа рымаҵ ауреи реихырхәареи шәалагар, 7 сара израильаа ирысҭаз адгьыл аҟынтә иқәысцоит, сыхьӡ азы исыԥшьаз аҩны мап ацәыскуеит, Израиль аӡбахә ада аҳәатәы рмоуа иҟалоит*, ажәларқәа рыбжьара иччархәхоит. 8 Ари аҩны еилабганы еилажьзаауеит, уи иаҩсны ицо дарбанзаалак иџьашьаны, дцәыҵаччо* дҵаалоит: „Абас зазиуи Иегова ари адгьыли ари аҩни?“ 9 Уи ус иарҳәоит: „Избанзар дара рабацәа Египет иалызгаз Рынцәа Иегова дааныжьны, егьырҭ анцәақәа ирышьҭалеит, урҭ рымҵахырхәареи рымаҵ ауреи иалагеит. Убри азоуп Иегова абри аҩыза арыцҳара изақәиршәаз“».

10 Соломон ҩ-ҩнык, Иегова иҩни аҳ иҩни, 20 шықәса иргылон. 11 Уи ашьҭахь Соломон тиртәи аҳ Хира́м галилеиатәи ақалақьқәа 20 ииҭеит, избанзар Хира́м Соломон акедр қыдқәеи аможжевельник қыдқәеи, Соломон шаҟа иҭахыз ахьи изааигон. 12 Хира́м Тирынтәи ддәықәлеит, Соломон ииҭаз ақалақьқәа дрыхәаԥшырц азы, аха ианиба игәамԥхаӡеит. 13 Иара иҳәеит: «Сашьа, изакә қалақьқәои исуҭаз?» Убри азы урҭ иахьа уажәраанӡа адгьыл Каву́л* ҳәа ирышьҭоуп. 14 Аргылара ахьынӡацоз Хира́м аҳ Соломон 120 талант* ахьы изишьҭит.

15 Соломон иара иҿы аусура здиҵаз ауаа рыла иргылеит Иегова иҩны, иара иҩны, Ахәы*, Иерусалим аҭӡамц, иара убас Хацо́р, Меги́ддо, Гезе́р. 16 (Уаанӡа египеттәи аҳ, афараон, Гезе́р импыҵаирхалан иблит, уа инхоз ханаа́наа ишьит. Иара уи иԥҳа ҳамҭас илиҭеит Соломон уи ԥҳәысс данига.) 17 Соломон еиҭашьақәиргылеит* ақалақьқәа Гезе́р, Аладатәи Бет-Хоро́н, 18 Ваала́т, уи адгьыл ацәҳәыраҿы иҟоу Тама́р, 19 иара убас иргылеит аҵәахырҭа қалақьқәеи, аҽыуардынқәа рықалақьқәеи, аҽыуаа рықалақьқәеи, насгьы Иерусалими, Ливани, напхгара ззиуаз адгьыл зегь аҿи иргыларц ииҭахыз зегьы. 20 Израильаа иреиуамыз аморе́иааи, хе́ттааи, ферезе́иааи, иеву́сааи рҟынтә инхази 21 израильаа зықәгара рылымшаз, ари адгьыл аҿы инхаз урҭ ирхылҵқәази Соломон маҵуцәас иҟаиҵеит, иахьа уажәраанӡагьы имаҵуцәоуп. 22 Аха израильаа маҵуцәас иҟаиҵаӡомызт. Дара еибашьцәан, иаҳҭынраҿы амаҵ руан, иҭауадцәан, ир ирхагылан, аҽыуардынқәа ныҟәызцози аҽыуааи ирхагылан. 23 Соломон иман аусуцәа ирхылаԥшуаз, аусурақәа напхгара рызҭоз 550-ҩык аиҳабацәа.

24 Афараон иԥҳа Давид иқалақь аҟынтә Соломон илызиргылаз аҩнахьы диасит. Нас иара Ахәы иргылеит.

25 Шықәсык ахь хынтә Соломон Иегова изы иргылаз акәырбаннагарҭахь ирбылуа акәырбанқәеи аҭынчратә кәырбанқәеи неигон, иара убас Иегова иҿаԥхьа акәырбан былны алҩа ишьҭуан. Соломон аҩны аргылара хиркәшеит.

26 Аҳ Соломон иара убас Ецио́н-Геве́р аӷбақәа иргылеит. Уи Ела́т азааигәара иҟоуп, Едо́м адгьыл аҿы, Амшын ҟаԥшь аԥшаҳәаҿы. 27 Хира́м урҭ аӷбақәа рахь имаҵуцәа ишьҭуан, аԥышәа змаз амшынуаа. Соломон имаҵуцәеи дареи 28 Офи́рҟа ицаны, аҳ Соломон изы 420 талант* ахьы ааргон.

10 Шеватәи аҳкәажә Иегова ихьӡ абзоурала ахьӡ-аԥша зауз Соломон иӡбахә анлаҳа, азҵаара цәгьақәа* рыла дԥылшәарц дааит. 2 Лара жәларык ауаа, лмаҵуцәа, лыцны Иерусалимҟа дааит. Амахҽқәа рыла абальзам хәшеи, ахьы рацәеи, зыхә ҳаракыз ахаҳәқәеи аалгеит. Шеватәи аҳкәажә Соломон иахь днеин, еилылкаарц илҭахыз зегь иазҵаара далагеит. 3 Соломон лызҵаарақәа зегьы рҭак ҟаиҵеит. Аҳ изымҳәоз ҳәа акгьы ыҟаӡамызт.

4 Шеватәи аҳкәажә Соломон шаҟа дҟәыӷаз анеилылкаа, ианылба иргылаз аҩны, 5 истол иқәыз афатә, имаҵуцәа ртәашьа, астол амаҵ азызуаз рымаҵушьа, ишеилаҳәаз, изакә ҩынаҳаҩцәоу имаз, Соломон Иегова иҩнаҿы инеиго ирбылуа акәырбанқәа зеиԥшраз, дгачамкит. 6 Лара аҳ ус иалҳәеит: «Стәылаҿы уусқеи уҟыӷареи ртәы исаҳаз иашазаарын, 7 исарҳәоз хасҵаӡомызт, схаҭа сааны абри зегьы сыблала исымбакәа. Сара абжа-еиҭабжагьы сзеиҭарымҳәаӡеит! Уҟәыӷареи умали исзеиҭарҳәаз аасҭа акырӡа еиҳауп. 8 Насыԥ рымоуп ужәлар, насыԥ рымоуп еснагь уҿаԥхьа игылоу, уажәа ҟәыӷақәа заҳауа умаҵуцәа! 9 Хьӡи-ԥшеи имазааит згәы ҟауҵоз, убри аҟынтә израильаа аҳас урхазыргылаз Унцәа Иегова. Израиль наӡаӡа бзиа избо Иегова аҳас уҟаиҵеит, аиашара аарԥшуа аусқәа ииашаны иуӡбаларц азы».

10 Лара аҳ ҳамҭас илҭеит 120 талант* ахьы, зыхә ҳаракыз ахаҳәқәа, иара убас меигӡарахда абальзам хәша. Шеватәи аҳкәажә аҳ Соломон абальзам хәша шаҟа изаалгаз аҟара ахаангьы аӡәгьы иааимгацызт.

11 Офи́рынтәи ахьы аазгоз Хира́м иӷбақәа иара убас уантәи асандал қыдқәеи зыхә ҳаракыз ахаҳәқәеи рацәаны иааргон. 12 Аҳ асандал ҵла иалхны Иегова иҩны ази аҳ иҩны ази арӷәӷәагақәа ҟаиҵеит, иара убас ашәаҳәаҩцәа рзы асандал ҵла иалхны аҩымаақәеи егьырҭ арахәыцтә рҳәагақәеи ҟаиҵеит. Уи аҩыза асандал ҵла уаҳа ахаан аӡәгьы иааимгацызт, иагьырымбацызт.

13 Аҳ Соломон шеватәи аҳкәажә аҳ ишиаҭәаз еиԥш гәыҭбаарала илзыҟаиҵаз азмырхакәа, лгәы иааҭахыз, дзызиҳәаз зегь лиҭеит. Уи ашьҭахь лмаҵуцәа лыманы лыдгьыл ахь дхынҳәны дцеит.

14 Есышықәса Соломон 666 талант* ахьы иоуан, 15 ахәаахәҭцәеи аҭиҩцәеи, аравиатәи аҳцәеи, анапхгаҩцәеи рҟынтә иоуаз ахашәалахәы аламҵаӡакәа.

16 Аҳ Соломон еиларҭәоу ахьы иалхны 200 ԥырак ду ҟаиҵеит (рыцыԥхьаӡа 600-600 ше́кель* ахьы агеит), 17 иара убас иҟаиҵеит 300 ԥырак хәыҷы (рыцыԥхьаӡа хԥа-хԥа мина* ахьы агеит). Аҳ урҭ Ливантәи абна захьӡыз аҩнаҿы иргылеит.

18 Иҵегь аҳ аслан бҩа иалхны аҳ итәарҭаҭыԥ ҟаиҵеит, нас уи ахьы цқьала ихиҟьеит. 19 Аҳ итәарҭаҭыԥ ахь амардуанҿаԥсақәа фба неиуан, аҳ итәарҭаҭыԥ аханы ахыбра хәыҷ еиԥш игьежьӡа акы* ыҟан. Аҳ итәарҭа анапықәҵарҭақәа аман, урҭ рааигәара алымқәа ҩба гылан. 20 Амардуанҿаԥсақәа рыфбагьы рҿы наҟ-ааҟ алымқәа ықәгылан, урҭ 12 цыра ыҟан. Уи аҩыза ахьыҟаз уаҳа аҳрак ыҟамызт.

21 Аҳ Соломон иҿы аҵәцақәа зегьы ахьы иалхын, Ливантәи абна захьӡыз аҩнаҿы иҟаз ачысмаҭәа зегьы ахьы цқьа иалхын. Араӡны иалхыз акымзарак ыҟаӡамызт, избанзар Соломон ихаан араӡны ахә амаӡамызт. 22 Аҳ иман Хира́м иӷбақәа ирыцны амшын ихылоз таршиштәи аӷбақәа. Хышықәса рахьтә знык таршиштәи аӷбақәа ахьи, араӡни, аслан бҩеи, амаамынқәеи, апавлинқәеи ааргон.

23 Аҳ Соломон имаз амали аҟәыӷареи акырӡа еиҳан адгьыл иқәынхоз аҳцәа зегь ирымаз аасҭа. 24 Ауаа зехьынџьарантә иаауан Соломон дырбарц, Анцәа ииҭаз аҟәыӷара раҳарц азы. 25 Зегьы аҳамҭақәа изааргон: араӡнылыхи, ахьлыхи, амаҭәеи, абџьари, абальзам хәшеи, аҽқәеи, агәыжьқәеи. Убас есышықәса.

26 Соломон иҽыуардынқәеи иҽқәеи* рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иацлон. Иара 1 400 ҽыуардыни 12 000 ҽи* иман. Иара урҭ аҽыуардынқәа рықалақьқәа рҿы иман, иара убас иара иҿы Иерусалим иҟан.

27 Соломон иаан Иерусалим араӡны ахаҳә еиԥш ирацәан, акедр — Шефе́л асикамор шырацәоу еиԥш ирацәан.

28 Иара аҽқәа Египетынтә изааргон, аҳ ихәаахәҭцәа аҽыуахьадқәа* ирықәыз хәык ала изаархәон. 29 Аҽыуардын Египет 600 ше́кель араӡны ҳәа иаархәон, аҽы — 150 ше́кель* ҳәа. Нас аҳ ихәаахәҭцәа урҭ хе́тааи сириатәи аҳцәеи ираадырхәон.

11 Аҳ Соломон афараон иԥҳа лыдагьы атәым дгьыл иатәыз аҳәса — моа́ваа рыԥҳацәеи, аммо́наа рыԥҳацәеи, едо́маа рыԥҳацәеи, сидо́наа рыԥҳацәеи, хе́ттаа рыԥҳацәеи — бзиа ибеит. 2 Дара злыҵыз ажәларқәа ирызкны Иегова израильаа абас реиҳәахьан: «Рымԥан шәықәымлалан, мамзар рынцәақәа рышьҭалара шәгәадырԥхоит». Соломон урҭ аҳәса бзиа ибон, игәы рзыбылуан, дрыдҳәалан. 3 Соломон ауаа дуқәа ирылҵыз 700-ҩык аҳәса иман. Иара убас иман 300-ҩык егьырҭ аҳәсагьы. Иҳәса дымҩахырҟьо иалагеит. 4 Иқәрахь даннеи, иҳәса егьырҭ анцәақәа рышьҭалара игәазҭарҵеит*, убри аҟынтә иаб Давид иеиԥш гәыкала Инцәа Иегова имаҵ аура даҟәыҵит*. 5 Соломон сидо́наа рынцәахәы Аста́рта лымҵахырхәара далагеит, аммо́наа рынцәа хәымга Милко́мгьы имҵахырхәара далагеит. 6 Иара Иегова ицәымӷыз ҟаиҵон, иаб Давид иеиԥш гәыкала Иегова дишьҭаӡамызт.

7 Уи аамҭазы Соломон Иерусалим азааигәара ашьхараҿы моа́ваа рынцәа хәымга Кемо́ши аммо́наа рынцәа хәымга Моло́хи рзы аԥшьаҭыԥқәа иргылеит. 8 Акәырбан былны алҩа зышьҭуаз, зынцәахәқәа акәырбан рызназгоз атәым тәылақәа рҟынтә иааигаз иҳәсақәа зегь рызгьы убас ҟаиҵеит.

9 Иегова Соломон игәы изыԥжәеит, избанзар иара* Израиль Анцәа Иегова дицәыхарахеит. Уи ҩынтә дизцәырҵны, 10 егьырҭ анцәахәқәа дрышьҭамлаларц иеиҳәахьан. Аха Соломон Иегова дизымӡырҩӡеит. 11 Иегова Соломон ус иеиҳәеит: «Абас ахьыҟауҵо азы, иҳабжьоу аиқәшаҳаҭра ахьеилоуго азы, иусҭаз азакәанқәа уахьрықәымныҟәо азы, уаҳра умжәааны умаҵуҩы исҭоит. 12 Аха уаб Давид иаҳаҭыразы уи уԥсы ҭанаҵы иҟасҵаӡом. Сара уи аҳра уԥа имызжәаауеит. 13 Аха сара иаҳра зегь имысхӡом, смаҵзуҩы Давид иаҳаҭырази иалысхыз Иерусалим аҳаҭырази биԥарак изынсыжьуеит».

14 Иегова Соломон едо́маа рышьҭра иатәыз аӷа диҿаиргылеит. Уи едомтәи аҳ иҭаацәара иалҵыз Хада́д иакәын. 15 Зны Давид Едо́м ԥыххааса ианықәиҵа, ир реиҳабы Иоа́в Едо́мҟа дцеит, иршьыз анышә иеиҭарц. Иара иӡбеит уа ахацәа зегь ишьырц. 16 (Иоа́ви израильаа зегьи ахацәа зегь ршьаанӡа Едо́м фымз иҟан.) 17 Хада́д иаб имаҵуцәа едо́маа шьоукы дрыцны Египетҟа дыбналеит. (Хада́д усҟан дхәыҷын.) 18 Дара Мадианынтәи Пара́нҟа ицеит. Уа ауаа аашьҭырхын, Египетҟа ицеит, египеттәи аҳ афараон иахь. Афараон уи аҩны ииҭеит, фатәыла-жәтәыла деиқәиршәеит, адгьылгьы ииҭеит. 19 Афараон Хада́д убас игәы дақәшәеит, иԥҳәыс — аҳкәажә Тахпене́с — лаҳәшьа ԥҳәысс дииҭеит. 20 Уи иара иҟынтә Генува́т зыхьӡырҵаз аԥа длоуит. (Тахпене́с уи афараон иҩнаҿы длааӡон*, Генува́т афараон иҩнаҿы афараон егьырҭ иԥацәа дрыцынхон.)

21 Хада́д Египет иаҳаит Давид дшыԥсыз, ар реиҳабы Иоа́вгьы дшыԥсыз. Усҟан Хада́д афараон ус иеиҳәеит: «Сыдгьыл ахь ацара азин сыҭ». 22 Афараон ус диазҵааит: «Избан удгьыл ахь ацара зуҭаххаз, ара акыр угхама?» Иара иҳәеит: «Мамоу, аха уеизгьы сышьҭы».

23 Анцәа Соломон даҽа аӷак диҿаиргылеит, Ельиа́да иԥа Резо́н. Резо́н цоватәи аҳ Хададезе́р дицәыбналеит, уи иԥшәма иакәын. 24 Давид цоватәи ар ԥыххааса ианықәиҵа, Резо́н ақәылаҩцәа ааидикылан, дырхагылеит. Дара Дама́ск анхара иалагеит. Уа амчра рнапахьы иргеит. 25 Резо́н Соломон аҳра аниуаз израильаа драӷан, Хада́д иеиԥш Израиль ауадаҩрақәа иақәиршәон, Сириа напхгара азиуанаҵы Израиль ицәымӷын.

26 Нева́т иԥа Иеровоа́мгьы аҳ Соломон диҿагылеит. Уи Соломон имаҵуҩ иакәын, Царе́да датәын, ефре́маа дреиуан. Иан дыԥҳәысеибан, Церу́а лыхьӡын. 27 Абар иара аҳ дшиҿагылаз. Соломон Ахәы иргылон, насгьы иаб иқалақь, Давид иқалақь, аҭӡамц аҿы иҟаз акылҳара аиркуан. 28 Иеровоа́м дуаҩ ҟазан. Соломон зыбаҩ иацәымаашьоз уи аҷкәын дгәеиҭан, Иосиф ишьҭра иатәыз рҟынтә еидикылаз аусуцәа зегьы дырхаирыгылеит. 29 Ҽнак зны Иеровоа́м Иерусалимынтәи даауан. Амҩан Сило́м иатәыз аԥааимбар А́хиа диԥылеит. А́хиа амаҭәа ҿыц ишәын. Дара рыда адәаҿы аӡәгьы дыҟаӡамызт. 30 А́хиа ишәыз амаҭәа ааникылан, иԥыжәжәаны 12 хәҭа алихит. 31 Нас иара Иеровоа́м ус иеиҳәеит:

«10 хәҭак уара ига. Израиль Анцәа Иегова абас иҳәоит: „Сара Соломон аҳра имжәааны, 10 биԥарак уара иусҭоит. 32 Иара биԥарак изынхоит, смаҵзуҩы Давид иаҳаҭырази израильтәи абиԥарақәа зегьы рҟынтә иалысхыз ақалақь Иерусалим аҳаҭырази. 33 Сара ус зыҟасҵо израильаа сааныжьны сидо́наа рынцәахәы Аста́рта лымҵахырхәареи, моавтәи анцәахәы Кемо́ш имҵахырхәареи, аммо́наа рынцәахәы Милко́м имҵахырхәареи иахьалагаз азоуп. Дара сымҩақәа ирықәныҟәаӡомызт, ииашоуп ҳәа исыԥхьаӡо ҟарҵаӡомызт, Соломон иаб Давид иеиԥш сзакәанқәеи сыԥҟарақәеи ирықәныҟәаӡомызт. 34 Аха сара Соломон аҳра зегь имысхӡом. Иара иԥсы ахьынӡаҭоу напхгаҩыс даансыжьуеит, иалысхыз смаҵзуҩы Давид иаҳаҭыразы, избанзар иара сзакәанқәеи сыԥҟарақәеи дрықәныҟәон. 35 Сара аҳра иҷкәын имхны, 10 биԥарак уара иусҭоит. 36 Иҷкәын биԥарак изынсыжьуеит, смаҵзуҩы Давид Иерусалим сҿаԥхьа еснагь алашарбага* имазарц азы. Сара уи ақалақь алысхит уа сыхьӡ ыҟазарц азы. 37 Сара Израиль аҳас уахасыргылоит, иаауҭаху зегь напхгара азуулоит. 38 Иуасҳәо зегь наугӡалар, сымҩақәа урықәныҟәалар, ииашоуп ҳәа исыԥхьаӡо ҟауҵалар, смаҵзуҩы Давид иеиԥш сзакәанқәеи сыԥҟарақәеи урықәныҟәалар, сара суцзаауеит. Уҩны* Давид иҩны еиԥш исырӷәӷәоит, Израильгьы усҭоит. 39 Сара Давид ихылҵшьҭра рыцәгьоурақәа рзы ахьымӡӷ дсыргоит, аха еснагь ус иҟалаӡом“».

40 Соломон Иеровоа́м дишьыр иҭахын, аха иара Египетҟа дыбналеит, египеттәи аҳ Сусаки́м* иахь. Уа иара Соломон дыԥсаанӡа дынхон.

41 Соломон иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәеи, иусқәеи, иҟәыӷареи ртәы Соломон иҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 42 Иара Иерусалим Израиль зегь 40 шықәса дахагылан. 43 Соломон иаб иқалақь, Давид иқалақь, аҿы дыԥсын, уа анышә дарҭеит. Иара ишьҭахь иԥа Ровоа́м аҳас дҟалеит.

12 Ровоа́м Шехе́мҟа дцеит, избанзар израильаа зегьы уа еизеит аҳас дҟарҵарц азы. 2 Уи аӡбахә иаҳаит уи аамҭазы Египет инхоз Нева́т иԥа Иеровоа́м. (Иара уахь аҳ Соломон дицәыбналаны дцеит.) 3 Иеровоа́м дааргарц азы ауаа рышьҭит, нас иара израильтәи аизара зегьы дрыцны Ровоа́м иахь дааит. Дара Ровоа́м ус иарҳәеит: 4 «Уаб аидара* хьанҭа ҳаҵеиҵеит. Уаб ҳазҭаиргылаз аџьамыӷәа цәгьа урмариар, ҳазҵеиҵаз аидара урмаҷыр, умаҵ ҳаулоит».

5 «Хымш рышьҭахь шәаа», — ҳәа реиҳәан, ажәлар наҟ ицеит. 6 Аҳ Ровоа́м иаб Соломон иԥсы анҭаз имаҵ зуаз аиҳабацәа ргәаанагара еиликаарц иӡбан, ус дразҵааит: «Ирасҳәари ажәлар, исабжьыжәгои?» 7 Дара ус иарҳәеит: «Иахьа уара урҭ ауаа урмаҵуҩхар, рыҳәара наугӡар, хаала аҭак руҭар, еснагь умаҵ рулоит».

8 Аха Ровоа́м аиҳабацәа иабжьаргаз идимкылаӡеит. Иара дцан, ицызҳауаз иқәлацәа, уажәы имаҵ зуаз аҿарацәа, ргәаанагара аилкаара далагеит. 9 Иара урҭ ус реиҳәеит: «Ажәлар саб изҵеиҵаз аидара хьанҭа сырмаҷырц исыҳәоит. Ирасҳәари? Исабжьыжәгои?» 10 Ицызҳауаз аҿар ус иарҳәеит: «Ажәлар ус уарҳәеит: „Уаб аидара хьанҭа ҳаҵеиҵеит, аха уара ирмаҷ“, уара ус раҳә: „Снацәкьыс хәыҷ саб иуаҭәақәа раасҭа ишәпоуп. 11 Саб аидара хьанҭа шәаҵеиҵеит, аха сара уи еиҳагьы исырхьанҭоит. Саб ҟамчыла шәипҟон, сара иҵару ацқәа змоу ҟамчыла шәсыпҟалоит“».

12 Ахымш рыҽны Иеровоа́м ажәлар зегь ицны Ровоа́м иахь дааит, избанзар аҳ урҭ ахымш рыҽны шәааи ҳәа реиҳәахьан. 13 Аҳ урҭ ихжәаны аҭак риҭеит, аиҳабацәа ирҭаз алабжьара мап ацәикит. 14 Иара урҭ аҿар ишиарҳәаз еиԥш аҭак риҭеит: «Саб аидара хьанҭа шәаҵеиҵеит, аха сара уи еиҳагьы исырхьанҭоит. Саб ҟамчыла шәипҟон, сара иҵару ацқәа змоу ҟамчыла шәсыпҟалоит». 15 Аҳ ажәлар дырзымӡырҩӡеит, избанзар Иегова ус иҟаиҵеит, Иегова Сило́м иатәыз А́хиа ила Нева́т иԥа Иеровоа́м иеиҳәаз ажәақәа наӡарц азы.

16 Израильаа зегьы аҳ дшырзымӡырҩыз анырба, ус иарҳәеит: «Иаҳзеилои Давиди ҳареи? Ҳара иара иҟынтә акгьы ҳауӡом. Иессе́и иԥа иҭынхо иара имазааит. Израильаа, шәынцәақәа рахь шәхынҳәы! Давид, уҩны уара уахылаԥшла!» Абас рҳәан, израильаа рыҩнқәа* рахь ихынҳәит. 17 Ровоа́м иудеиатәи ақалақьқәа рҿы инхоз израильаа роуп напхгара ззиуаз.

18 Аҳ Ровоа́м израильаа рахь аҳ иҿы аус зуаз зхы иақәиҭымыз аусуцәа ирхагылаз Адора́м дишьҭит, аха дара ахаҳә дадырган дыршьит. Аҳ Ровоа́м ихаҭа иакәзар, иҽыуардын ақәтәара дахьӡан, Иерусалимҟа дыбналеит. 19 Убас израильаа Давид иҩны иаҿагылеит, иахьа уажәраанӡагьы ишаҿагылац иаҿагылоуп.

20 Израильаа зегьы Иеровоа́м дшыхынҳәыз шаараҳаҵәҟьаз аизарахь даарыԥхьан, Израиль зегь аҳас дахадыргылеит. Иуда иабиԥара заҵәык ауп Давид иҩны аанзмыжьыз.

21 Соломон иԥа Ровоа́м Иерусалимҟа данаа, иаразнак Иудеи Вениамини рабиԥарақәа рҟынтә 180 000-ҩык зегь иреиӷьыз аибашьцәа еизигеит, Израиль дабашьны аҳра ирхынҳәырц азы. 22 Усҟан Анцәа ду иԥааимбар* Шема́иа ус иеиҳәеит: 23 «Соломон иԥа иудеиатәи аҳ Ровоа́ми, Иуда иабиԥара зегьи, Вениамин иабиԥареи, инхаз ажәлари абас раҳә: 24 „Абас иҳәоит Иегова: ‚Шәашьцәа израильаа рабашьра шәымцан, шәыҩныҟақәа рахь шәхынҳәы, избанзар сара исҭаххеит азоуп ус изыҟалаз‘“». Даргьы Иегова изыӡырҩын, Иегова ишиҳәаз еиԥш рыҩныҟақәа рахь ихынҳәит.

25 Иеровоа́м шехемтәи ашьхақәа рҿы Ефрем ирӷәӷәан, уа анхара далагеит. Нас уантәи дцан, Пенуе́л ирӷәӷәеит. 26 Иеровоа́м ус дхәыцит: «Аҳра еиҭа Давид иҩнахьы ииасыр алшоит. 27 Ажәлар Иегова иҩнаҿы акәырбанқәа наргаларц азы анаҩсгьы Иерусалимҟа ицалар, ргәы рыԥшәма иахь, иудеиатәи аҳ Ровоа́м иахь, ихьаҳәуеит. Убасҟан ауп саныршьҵәҟьо, даргьы иудеиатәи аҳ Ровоа́м иахь ихынҳәуеит». 28 Ианеилацәажәа ашьҭахь, аҳ Иеровоа́м ахьы иалхны ҩ-ҳәыск ҟаиҵан, ажәлар ус реиҳәеит: «Иерусалимҟа шәцо шәхы зшәыргәаҟуеи? Израиль, абар Египет уалызгаз Унцәа дахьыҟоу». 29 Нас иара ҳәыск Вефи́ль иргылеит, егьи — Дан иргылеит. 30 Убас ажәлар агәнаҳа аҟаҵара иалагеит. Ауаа Данҟагьы ицон, уа аҳәыс иамҵахырхәарц азы.

31 Иеровоа́м аҳаракырақәа рҿы аԥшьаҭыԥқәа иргылеит, илевитцәамыз ауаа ԥшьаҩцәас иҟаиҵеит. 32 Иара аабатәи амза жәохәтәи амш аҽны Иудеиа иазгәарҭоз аныҳәа иеиԥшыз аныҳәа аԥиҵеит. Иҟаиҵаз аҳәысқәа Вефи́ль иргылаз акәырбаннагарҭаҿы акәырбанқәа рызнеигон. Иргылаз аԥшьаҭыԥқәа рзы иара Вефи́ль аԥшьаҩцәа алихит. 33 Иеровоа́м аабатәи амза жәохәтәи амш аҽны (уи амза иара ихала иалихит) Вефи́ль игылаз акәырбаннагарҭахь акәырбанқәа рнагара далаган, израильаа рзы аныҳәа аԥиҵеит. Иара акәырбаннагарҭа днадгылеит, акәырбанқәа неигарц, насгьы акәырбан былны алҩа ишьҭырц азы.

13 Иеровоа́м акәырбан былны алҩа ишьҭырц азы акәырбаннагарҭа азааигәара дангылаз, Иудеиантәи Вефи́льҟа Иегова иааишьҭыз Анцәа иуаҩы дааит. 2 Иара акәырбаннагарҭахь ихы ирхан, Иегова иҳәа ҳәа иеиҳәаз иҳәеит: «Акәырбаннагарҭа, акәырбаннагарҭа! Абас иҳәоит Иегова: „Давид иҩнаҿы Ио́сиа зыхьӡу аԥа диуеит! Иара уара уҿы уара иуқәҵаны акәырбанқәа збылуа аԥшьаҭыԥқәа рыԥшьаҩцәа кәырбанс инеигоит, ауаа рыбаҩқәагьы ибылуеит“». 3 Уи аҽны иара адырга риҭоит. Иара абас иҳәоит: «Абар Иегова иҟынтә адырга: акәырбаннагарҭа ԥҽуеит, уи иҭаԥсоу ахәа* каԥсоит».

4 Акәырбаннагарҭа ааигәара игылаз аҳ Иеровоа́м Анцәа иуаҩы Вефи́ль иҟаз акәырбаннагарҭа иазкны ииҳәаз аниаҳа, инапы ааирххан: «Дышәкы!» — ҳәа ҿааиҭит. Убри аминуҭазгьы инапы ҩан, измырҵысуа иҟалеит. 5 Акәырбаннагарҭа ԥҽит, ахәагьы каԥсеит. Зегьы Анцәа иуаҩы Иегова иҟынтә ииҳәаз инақәыршәаны иҟалеит.

6 Аҳ Анцәа иуаҩы ус иеиҳәеит: «Суҳәоит, Унцәа Иегова срыцҳаишьарц уиҳәа, усызиҳәа снапы бзиахарц азы». Анцәа иуаҩы Иегова диҳәан, аҳ инапы уаанӡа еиԥш ибзиахеит. 7 Усҟан аҳ Анцәа иуаҩы ус иеиҳәеит: «Уаала аҩныҟа, акруфап, сара аҳамҭа усҭоит». 8 Аха Анцәа иуаҩы аҳ ус иеиҳәеит: «Уҩны абжа суҭаргьы суцны сцаӡом, ари аҭыԥ аҿы акрагьысфом, акрагьызжәуам, 9 избанзар Иегова исеиҳәеит: „Ари аҭыԥ аҿы ача умфан, аӡы умжәын, узлааз амҩалагьы умхынҳәын“». 10 Иара Вефи́льҟа дызлааз амҩала акәымкәа, даҽа мҩак ала дцеит.

11 Вефи́ль дынхон зықәрахь инеихьаз ԥааимбарк. Иҷкәынцәа аҩныҟа ианыхынҳә, Анцәа иуаҩы уи аҽны Вефи́ль иҟаиҵаз зегь изеиҭарҳәеит, иара убас уи ауаҩ аҳ иеиҳәаз зегь иарҳәеит. 12 Усҟан раб дразҵааит: «Мҩас дызлацеи?» — иԥацәагьы Иудеиантәи иааз Анцәа иуаҩы дызлацаз амҩа идырбеит. 13 Иҷкәынцәа ус реиҳәеит: «Аҽада шәырмазеи». Аҽада андырмазеи, иара уи днақәтәеит.

14 Иара Анцәа иуаҩы дишьҭаланы дцеит. Данынаԥш, аҵла ду амҵан дыштәаз ибеит. Иара дҵааит: «Уара уоума Иудеиантәи иааз Анцәа иуаҩы?» — «Сара соуп», — иҳәеит иара. 15 Зықәрахь инеихьаз аԥааимбар ус иҳәеит: «Уаала сыҩныҟа, ача уфап». 16 Аха иара иҳәеит: «Сара сгьежьны, суцны сызцаӡом, ара акрысзыфаӡом, акрысзыжәӡом. 17 Иегова ус сеиҳәеит: „Уа акрыумфан, акрыумжәын, узлааз амҩалагьы умхынҳәын“». 18 Зықәрахь инеихьаз аԥааимбар ус иҳәеит: «Саргьы уара уеиԥш сԥааимбаруп. Амаалықь Иегова иҟынтә абас сеиҳәеит: „Дырхынҳә, уҩны ача ифарц, аӡы ижәырц“». (Аха уи дижьеит.) 19 Убас Анцәа иуаҩы дгьежьын, уи аԥааимбар дицны иҩныҟа дцеит, акрифарц, акрижәырц азы.

20 Астол ишахатәаз, зықәрахь инеихьаз аԥааимбар Иегова иҟынтә аацҳара иоуит. 21 Иара Иудеиантәи иааз Анцәа иуаҩ иахь ихы ирхан, ус иҳәеит: «Абас иҳәоит Иегова: „Уара Иегова уизымӡырҩӡеит, Унцәа Иегова иуиҭаз адҵа наумыгӡаӡеит. 22 Уара ухынҳәит ари аҭыԥ ахь, акрагьуфеит, акрагьужәит, ‚уа ача умфан, аӡы умжәын‘ ҳәа шуасҳәахьазгьы. Убри азы убаҩқәа уабацәа ахьжу аҭыԥ аҿы анышә иарҭаӡом“».

23 Анцәа иуаҩы акранифа, акранижә, зықәрахь инеихьаз аԥааимбар иара изы* аҽада ирмазеит. 24 Аԥааимбар амҩа дықәлеит, аха амҩан алым игәыдлан, дашьит. Иара амҩаҿы дкажьын, иааигәара аҽадеи алыми гылан. 25 Имҩасны ицоз ауаа ирбеит амҩаҿы аԥсы дышкажьу, иааигәарагьы алым шгылоу. Дара зықәрахь инеихьаз аԥааимбар дахьынхоз ақалақь ахь ицан, зегь изеиҭарҳәеит.

26 Зықәрахь инеихьаз аԥааимбар иҟалаз аниаҳа, ус иҳәеит: «Ари Иегова ииҳәаз ҟазымҵаз Анцәа иуаҩ иоуп. Иегова уи алым деиҭан, деимнажәжәеит. Иегова ишиеиҳәаз еиԥш зегь ҟалеит». 27 Нас иԥацәа ус реиҳәеит: «Аҽада шәырмазеи». Даргьы идырмазеит. 28 Нас амҩа дықәлеит. Иара амҩаҿы икажьыз аԥсы дибеит, уи иааигәара алыми аҽадеи гылан. Алым аԥсы дамфаӡеит, аҽадагьы иаламкьысӡеит. 29 Аԥааимбар Анцәа иуаҩы иԥсыбаҩ аашьҭихын, аҽада инақәиҵан, иқалақь ахь дигеит, дҵәыуаны анышә дарҭарц азы. 30 Иара аԥсы идамра дҭеиҵеит. Уи абас дырҵәыуон: «Изакә рыцҳароузеи, сашьа! Изакә рыцҳароузеи!» 31 Зықәрахь инеихьаз аԥааимбар уи анышә данеиҭа, иҷкәынцәа ус реиҳәеит: «Саныԥслак, Анцәа иуаҩы иган аҿы анышә сашәҭ, сыбаҩқәа ибаҩқәа рывараҿы ишьҭашәҵ. 32 Иара Вефи́ль иҟоу акәырбаннагарҭеи самариатәи ақалақьқәа рҿы аҳаракырақәа рҿы иҟоу аԥшьаҭыԥқәеи ирызкны Иегова иҟынтә ииҳәаз хымԥада инаӡоит».

33 Иеровоа́м уи ашьҭахьгьы имҩа цәгьа аанимыжьӡеит. Иара ажәлар зегь рҟынтә аԥшьаҩцәа алихуан, аԥшьаҭыԥқәа рҿы ԥшьаҩцәас амаҵ руларц азы. Иара ԥшьаҩыс амаҵ зулар зҭахыз зегьы ԥшьаҩцәас иҟаиҵон, иагьиҳәон: «Аԥшьаҭыԥ аҿы ԥшьаҩыс амаҵ иулааит». 34 Иеровоа́м иҩнаҭа иатәыз иҟарҵаз агәнаҳа иҭанархеит, дара адгьыл аҟынтә иқәӡааит.

14 Уи аамҭазы Иеровоа́м иԥа А́виа дычмазаҩхеит. 2 Иеровоа́м иԥҳәыс ус леиҳәеит: «Сбыҳәоит, Иеровоа́м иԥҳәыс шбакәу уаҩы изымдырыртә еиԥш ак бышәҵаны, Сило́мҟа аԥааимбар А́хиа иахь бца. Иара иоуп исазҳәаз ари ажәлар аҳас сшырхагыло. 3 Жәа-чаки, ак зқәыԥсоу амгьалқәеи, ҟәџьалк ацхеи быманы иара иахь бца. Иара ибеиҳәоит аҷкәын изыԥшу».

4 Иеровоа́м иԥҳәыс убас иагьыҟалҵеит. Лара лҽааидылкылан, Сило́мҟа дцан, А́хиа иҩны днеит. А́хиа длашәын, иқәрахь днеихьан азы илақәа ирбаӡомызт.

5 Иегова А́хиа ус иеиҳәеит: «Иеровоа́м иԥҳәыс уара уахь даауеит, лыҷкәын изы дузҵаарц, избанзар иара дычмазаҩуп. Сара илоуҳәаша уасҳәоит*. Лара данааилак даҽаӡә лакәушәа лхы аалырԥшлоит».

6 Ашә аҿы лшьапышьҭыбжь аниаҳа, А́хиа ус иҳәеит: «Быҩнал, Иеровоа́м иԥҳәыс. Бызусҭоу зыбҵәахуеи? Сара бара бзы ажәабжь цәгьа сымоуп. 7 Бцаны Иеровоа́м ус иаҳә: „Абас иҳәоит Израиль Анцәа Иегова: ‚Сара уара уалысхит, сыжәлар Израиль азы ԥхьагылаҩыс уҟасҵарц азы. 8 Аҳра Давид иҩны иамжәаны уара иусҭеит. Аха уара сыԥҟарақәа назыгӡоз, гәык-ԥсыкала сымаҵ зуаз* смаҵзуҩы Давид уиеиԥшымхаӡеит. Иара ииашоуп ҳәа исыԥхьаӡоз мацара ауп иҟаиҵоз. 9 Уара зегьы уреицәахеит, уаԥхьа иҟаз аҳцәа иҟарҵоз аасҭа еицәоу ҟауҵоит, уара даҽа нцәак дҟауҵеит, иҟауҵеит слазырҟәуа иҭарҭәоу асахьақәа, сара усыцәхьаҵит. 10 Уи азы сара Иеровоа́м иҩны арыцҳара иақәсыршәоит! Иеровоа́м иҿы ахацәа зегьы, иԥсыҽугьы зхы иамыхәогьы, ықәызгоит. Иеровоа́м ишьҭра ауац шықәырго еиԥш иқәызгоит, ицқьаӡа иҟалаанӡа! 11 Иеровоа́м ақалақь аҿы ицәыԥсуа — алақәа дырфоит, адәаҿы ицәыԥсуа — аҵарақәа дырфоит, избанзар Иегова ус иҳәеит‘“.

12 Бара аҩныҟа бца. Ақалақь баналалалак ахәыҷы дыԥсуеит. 13 Израильаа зегьы дырҵәыуоит, нас анышә дарҭоит. Иара заҵәык иоуп Иеровоа́м иҭаацәараҿы анышә иарҭо, избанзар Израиль Анцәа Иегова Иеровоа́м иҩнаҭаҿы иара заҵәык иоуп бзиарак здибалаз. 14 Иааиуеит амш Иегова Израиль Иеровоа́м иҩнаҭа ықәызхуа аҳ данахаиргыло, уи амш зынӡа иааигәоуп. 15 Иегова Израиль иақәнагоу иақәиршәоит, уи аӡы иҭагылоу акалам* еиԥш иҵыс-ҵыслоит. Иара израильаа рдац ианкны рабацәа ириҭаз ари адгьыл бзиа аҟынтә иҵихуеит, Евфрат анхыҵ иԥсаҟьаны иалеиҵоит, избанзар дара иԥшьоу ашьаҟақәа* ҟаҵаны Иегова дладырҟәуан. 16 Иара Иеровоа́м ихаҭа иҟаиҵаз, израильаагьы идирҟаҵаз агәнаҳақәа ирыхҟьаны Израиль аанижьит».

17 Нас Иеровоа́м иԥҳәыс дхынҳәны Ти́рцаҟа дцеит. Лыҩны ашәхымс дшаахыҵыз еиԥшҵәҟьа аҷкәын дыԥсит. 18 Аҷкәын анышә дарҭеит. Иегова имаҵзуҩы, аԥааимбар А́хиа, ила ишиҳәаз еиԥш, израильаа зегьы уи дырҵәыуеит.

19 Иеровоа́м иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәеи, дшеибашьуази, аҳра шиуази ртәы израильтәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 20 Иеровоа́м 22 шықәса аҳра иуан, нас дыԥсит. Иара ишьҭахь иԥа Нада́в аҳас дҟалеит.

21 Уи аамҭазы Иудеиа аҳас дыҟан Соломон иԥа Ровоа́м. Ровоа́м аҳас даныҟала 41 шықәса ихыҵуан. Иара 17 шықәса Иерусалим дахагылан — Иегова израильтәи абиԥарақәа зегьы рҟынтә иалихыз ақалақь, уа ихьӡ ыҟазарц азы. Иан Наа́ма лыхьӡын, аммо́наа рыԥҳацәа дреиуан. 22 Иудеиа инхоз ауаа Иегова ицәымӷыз ҟарҵон, рыгәнаҳақәа рыла игәы ԥыржәон, рабацәеи рабдуцәеи раасҭа еицәаз ҟаҵо ихьӡ ладырҟәуан. 23 Даргьы аԥшьаҭыԥқәа дыргылон, иҳараку ахәқәа зегьы рҿы, иара убас ашәшьыра бзиа ҟазҵоз аҵлақәа зегь рымҵан иԥшьоу агәашьақәеи ашьаҟақәеи дыргылон. 24 Дара рҿы иҟан амцнцәахәқәа рныҳәарҭақәа рҿы икаҳԥуаз ахацәа. Даргьы Иегова израильаа ирылигаз ажәларқәа реиԥш аус хәымгақәа ҟарҵон.

25 Ровоа́м аҳра аниуаз ахәбатәи ашықәс азы египеттәи аҳ Сусаки́м Иерусалим дақәлеит. 26 Иара Иегова иҩны иҩназ ахазынақәеи аҳ иҩны иҩназ ахазынақәеи дәылганы игеит, Соломон иҟаиҵаз ахьтәы ԥыракқәа инадыркны зегь игеит. 27 Урҭ рҭыԥан аҳ Ровоа́м абҩа иалхны аԥыракқәа ҟаиҵан, аҳ иҩны аҩналарҭаҿы игылаз ахьчаҩцәа реиҳабацәа идиркит. 28 Аҳ Иегова иҩнахьы данцоз, ахьчаҩцәа аԥыракқәа кны ицон, нас ахьчаҩцәа руадахь ирхынҳәны иааргон.

29 Ровоа́м иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәа ртәы иудеиатәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 30 Ровоа́ми Иеровоа́ми есымша еиҿагыланы еибашьуан. 31 Ровоа́м данԥсы, иабацәеи иабдуцәеи анышә иахьамаз Давид иқалақь аҿы анышә дарҭеит. Аммо́наа рыԥҳацәа иреиуаз иан Наа́ма лыхьӡын. Иара ишьҭахь иԥа Авиа́м* аҳас дҟалеит.

15 Авиа́м Иудеиа аҳас дахагылеит Нева́т иԥа Иеровоа́м аҳра аниуаз жәаатәи ашықәс азы. 2 Иара Иерусалим хышықәса аҳра иуан. Иан Авессало́м имоҭа лакәын, Маа́ха лыхьӡын. 3 Иара иаб иҟаиҵоз агәнаҳакәа ҟаиҵон, иабацәа раб Давид иеиԥш Инцәа Иегова гәыкала имаҵ иуӡомызт*. 4 Аха Давид иаҳаҭыразы Анцәа Иегова Авиа́м ишьҭахь иԥа аҳас дҟаҵаны, Авиа́м Иерусалим алашарбага* ииҭеит, убасала Иерусалим ихьчеит, 5 избанзар Давид еснагь Иегова иҿаԥхьа ииашоу ҟаиҵон, ахаангьы иҳәатәы дахыԥаӡомызт, ахе́тт У́риа идҳәалаз ахҭыс заҵәык ада. 6 Ровоа́м иԥсы ахьынӡаҭаз Иеровоа́ми иареи еснагь еиҿагыланы еибашьуан.

7 Авиа́м иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәа рыӡбахә иудеиатәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. Авиа́мгьы Иеровоа́м диабашьуан. 8 Авиа́м данԥсы Давид иқалақь аҿы анышә дарҭеит. Иара ишьҭахь иԥа А́са аҳас дҟалеит.

9 А́са Иудеиа аҳас дҟалеит израильтәи аҳ Иеровоа́м аҳра аниуаз ҩажәатәи ашықәс азы. 10 Иара Иерусалим 41 шықәса дахагылан. Ианду Авессало́м имоҭа лакәын, Маа́ха лыхьӡын. 11 А́са иабацәа раб Давид иеиԥш Иегова иҿаԥхьа ииашаз ҟаиҵон. 12 Иара амцнцәахәқәа рныҳәарҭақәа рҿы икаҳԥуаз ахацәа атәыла иалицеит, насгьы иабацәа рабацәа иҟарҵаз аидол хәымгақәа* ықәигеит. 13 Иара ианду Маа́хагьы лаҳкәажәра лымихит, иԥшьоу ашьаҟа* амҵахырхәаразы аидол хәымга ахьыҟалҵаз азы. А́са уи аидол хҵәаны, Кедро́н архаҿы иблит. 14 Аҳаракырақәа рҿы иҟаз аԥшьаҭыԥқәа ракәзар, урҭ ықәрымгаӡеит. Аха А́са иԥсы ахьынӡаҭаз гәыкала Иегова дизыҟан. 15 Иара Иегова иҩнахьы иаби иареи Анцәа изыркыз* зегь ааигеит: араӡны, ахьы, иара убас егьырҭ амаҭәарқәа.

16 А́сеи израильтәи аҳ Ваа́сеи есымша еиҿагыланы еибашьуан. 17 Ваа́са Иуда даҿагылан Ра́ма арӷәӷәара далагеит, иудеиатәи аҳ А́са иҟынтә аӡәгьы дзымцарц, аӡәгьы дзымаарц азы. 18 Усҟан А́са Иегова иҩны ахазынаҭраҿи аҳ иҩны ахазынаҭраҿи инхаз араӡни ахьи аашьҭихын, имаҵуцәа ирыҭаны, сириатәи аҳ Бен-Хада́д иахь Дама́скҟа ишьҭит. Уи Хезио́н иԥа Тавриммо́н иԥа иакәын. А́са уи абас иарҳәарц иҳәеит: 19 «Уареи сареи ҳабжьара, саби уаби рыбжьара, аиқәшаҳаҭра бжьоуп. Сара араӡни ахьи ҳамҭас иузынасышьҭуеит. Израильтәи аҳ Ваа́сеи уареи ишәыбжьоу аиқәшаҳаҭра шәыбжьых, сыдгьыл ақәлара даҟәыҵырц азы». 20 Бен-Хада́д аҳ А́са дизыӡырҩын, израильтәи ақалақьқәа ирықәларц азы аруаа реиҳабацәа ишьҭит. Дара Иио́ни, Да́ни, Аве́л-Бет-Маа́хи, Киннере́т зегьи, Неффали́м идгьыл зегьи ргеит. 21 Ваа́са уи шааиаҳазҵәҟьа Ра́ма арӷәӷәара даҟәыҵын, Ти́рцаҟа дхынҳәит. 22 Аҳ А́са аӡә даанмыжькәа Иудеиа инхоз зегь еизигеит. Дара Ра́мантәи Ваа́са аргыларазы ихы иаирхәоз ахаҳәқәеи ақыдқәеи рыманы ицеит. Аҳ А́са урҭ иган, Вениамин идгьыл аҿы Ге́ва ирӷәӷәеит, иара убас Ми́цпагьы ирӷәӷәеит.

23 А́са иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәеи, иқәҿиарақәеи, иргылаз* ақалақьқәеи ртәы иудеиатәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. Иқәрахь даннеи, ишьапқәа ихьра иалагеит. 24 А́са дыԥсын, иабацәа рабацәа анышә иахьамаз иабацәа раб Давид иқалақь аҿы анышә дарҭеит. Иара ишьҭахь иԥа Иосафа́т аҳас дҟалеит.

25 Иудеиатәи аҳ А́са аҳра аниуаз аҩбатәи ашықәсазы Иеровоа́м иԥа Нада́в Израиль аҳас дҟалеит. Нада́в ҩышықәса Израиль аҳра иуан. 26 Иара Иегова ицәымӷыз ҟаиҵон, иаб израильаа идирҟаҵоз агәнаҳақәа ҟаҵо имҩа дықәын. 27 Иссаха́р иабиԥара иатәыз А́хиа иԥа Ваа́са Нада́в игәаӷ икын, цәгьарак изиурц игәы иҭеикит. Нада́в израильаа зегьы дрыцны филисти́маа иртәыз Гиббето́н данақәлоз, Ваа́са уи дишьит. 28 Иара Нада́в дишьит иудеиатәи аҳ А́са аҳра аниуаз ахԥатәи ашықәс азы, нас иара иҭыԥан аҳас дҟалеит. 29 Ваа́са аҳас дшааҟалазҵәҟьа Иеровоа́м ишьҭра зегь ықәигеит, аӡәымзар-аӡәы даанимыжьӡеит. Аӡә даанмыжькәа зегь ишьит, убасала иара Иегова Сило́м иатәыз имаҵзуҩы А́хиа ила ииҳәаз зегь наигӡеит. 30 Уи зегь зыҟалаз Иеровоа́м агәнаҳақәа ахьыҟаиҵаз, израильаагьы иахьыдирҟаҵаз, насгьы Израиль Анцәа Иегова даараӡа игәы ахьиирхьыз азоуп. 31 Нада́в иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәа ртәы израильтәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 32 Израильтәи аҳ Ваа́сеи А́сеи есымша еиҿагыланы еибашьуан.

33 А́хиа иԥа Ваа́са Ти́рца израильтәи аҳас дҟалеит иудеиатәи аҳ А́са аҳра аниуаз ахԥатәи ашықәсазы, 24 шықәсагьы аҳра иуан. 34 Иара Иегова ицәымӷыз ҟаиҵон, насгьы Иеровоа́м израильаа идирҟаҵоз агәнаҳақәа ҟаҵо имҩа дықәын.

16 Иегова Хана́ни иԥа Ииу́и ила Ваа́са изыԥшыз иеиҳәеит: 2 «Сара асаба улганы уҳараскын, сыжәлар Израиль азы ԥхьагылаҩыс уҟасҵеит. Аха уара Иеровоа́м имҩа уқәлеит, сыжәлар агәнаҳа дурҟаҵеит, рыгәнаҳақәа рыла сыхьӡ ладырҟәит. 3 Уи азы сара Ваа́сагьы дықәызгоит, иҩнаҭагьы ықәызгоит. Иҩнаҭа Нева́т иԥа Иеровоа́м иҩнаҭа иазызуз аҩыза азызуеит. 4 Ваа́са ақалақь аҿы ицәыԥсуа — алақәа дырфоит, адәаҿы ицәыԥсуа — аҵарақәа дырфоит».

5 Ваа́са иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәеи иқәҿиарақәеи ртәы израильтәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 6 Ваа́са данԥсы, Ти́рца анышә дарҭеит. Иара ишьҭахь иԥа Е́ла аҳас дҟалеит. 7 Ваа́са Иегова иҿаԥхьа аус цәгьақәа ахьыҟаиҵоз азы Хана́ни иԥа аԥааимбар Ииу́и ила Иегова Ваа́са иҩнаҭеи иареи ирзыԥшу иҳәеит, избанзар иара Иеровоа́м иҩнаҭа еиԥш аус цәгьақәа ҟаҵо Анцәа длаирҟәуан, Нада́вгьы дишьит.

8 Ваа́са иԥа Е́ла Ти́рца израильтәи аҳас дҟалеит иудеиатәи аҳ А́са аҳра аниуаз ҩажәифбатәи ашықәс азы, ҩышықәсагьы аҳра иуан. 9 Аибашьыга ҽыуардынқәа рыбжакы ирхагылаз имаҵуҩы Зи́мри уи цәгьарак изиурц игәы иҭеикит. Е́ла тирцатәи аҳҭынра иахылаԥшуаз А́рца иҩны арыжәтә данашьы, 10 Зи́мри днеин дишьит, нас иара иҭыԥан аҳас дҟалеит. Уи ҟалеит иудеиатәи аҳ А́са аҳра аниуаз ҩажәибыжьбатәи ашықәс азы. 11 Зи́мри аҳас даныҟала, днеины иаҳраҭыԥ аҿы дшаатәазҵәҟьа, Ваа́са иҩнаҭа зегь ықәигеит, иҭынхацәа рҟынтә аума, иҩызцәа рҟынтә аума хаҵак даанимыжьӡеит. 12 Иара Ваа́са иҩнаҭа зегь ықәигеит, убасала иара Иегова аԥааимбар Ииу́и ила Ваа́са изы ииҳәаз зегь наигӡеит. 13 Уи зегь зыҟалаз Ваа́са иԥа Е́леи иареи агәнаҳақәа ахьыҟарҵоз, израильаагьы иахьыддырҟаҵоз, насгьы Израиль Анцәа Иегова акгьы иаԥсамыз ридолқәа рыла ихьӡ ахьыладырҟәуаз азоуп. 14 Е́ла иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәа ртәы израильтәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп.

15 Зи́мри Ти́рца аҳас дҟалеит иудеиатәи аҳ А́са аҳра аниуаз ҩажәибыжьбатәи ашықәс азы. Иара бжьымшы аҳра иуан. Уи аамҭазы израильтәи ар филисти́маа иртәыз Гиббето́н азааигәара игылан. 16 Израильаа ианеилыркаа Зи́мри игәы иҭеикыз ҟаҵаны аҳ дшишьыз, аруаа зегьы уи аҽны ар реиҳабы О́мри Израиль аҳас дахадыргылеит. 17 О́мри аруаа* зегь ицны Гиббето́нынтәи дхьаҵын, Ти́рца дакәшаны икит. 18 Зи́мри ақалақь амацәаз ишҭаку аниба, аҳ иҩны ахырӷәӷәарҭа бааш дыҩналан, аҩны амца аиркит, иаргьы амца далаблит. 19 Уи зегь зыҟалаз Иеровоа́м иеиԥш агәнаҳақәа ҟаҵо, Иегова ицәымӷыз ахьыҟаиҵоз, израильаагьы агәнаҳа ахьыдирҟаҵоз азоуп. 20 Зи́мри иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәеи игәы иҭеикыз ацәгьареи атәы израильтәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп.

21 Усҟан израильаа ҩ-лагеркны рҽеиҩыршеит. Шьоукы аҳас иҟарҵарц ирҭахыз Гина́т иԥа Ти́вни иган ааныркылеит, егьырҭ О́мри иган ааныркылеит. 22 О́мри идгылақәаз Гина́т иԥа Ти́вни идгылақәаз раасҭа иӷәӷәахеит, убри аҟынтә Ти́вни данҭаха, О́мри аҳас дҟалеит.

23 О́мри израильтәи аҳас дҟалеит иудеиатәи аҳ А́са аҳра аниуаз ҩажәижәеизатәи ашықәс азы, 12 шықәсагьы аҳас дыҟан. Иара Ти́рца фышықәса аҳра иуан. 24 О́мри Шеме́р иҿы ҩ-талантк* араӡны ҳәа ашьха Сама́риа ааихәан, уа ақалақь иргылеит, уи ақалақь уаанӡа уи ашьха зтәыз Шеме́р иаҳаҭыразы Сама́риа* ахьӡиҵеит. 25 О́мри Иегова ицәымӷыз ҟаиҵон, зегьы дреицәахеит, иара иаԥхьа иҟаз аҳцәа иҟарҵоз аасҭа еицәаз ҟаиҵон. 26 Иара Нева́т иԥа Иеровоа́м имҩақәа дырнын, Иеровоа́м иҟаиҵоз агәнаҳақәа ҟаиҵон, израильаагьы идирҟаҵон, убасала ажәлар акгьы иаԥсам ридолқәа рыла Израиль Анцәа Иегова ихьӡ ладырҟәуан. 27 О́мри иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәеи ииааирақәеи ртәы израильтәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 28 О́мри данԥсы, Сама́риа анышә дарҭеит. Иара ишьҭахь иԥа Аха́в аҳас дҟалеит.

29 О́мри иԥа Аха́в израильтәи аҳас дҟалеит иудеиатәи аҳ А́са аҳра аниуаз ҩажәижәаатәи ашықәс азы. Иара Сама́риа 22 шықәса аҳра иуан. 30 О́мри иԥа Аха́в Иегова ицәымӷыз ҟаиҵон, зегьы дреицәахеит, иара иаԥхьа иҟаз аҳцәа иҟарҵоз аасҭа еицәаз ҟаиҵон. 31 Иара Нева́т иԥа Иеровоа́м иҟаиҵоз агәнаҳақәа ҟаиҵон, аха уи азмырхакәа сидонтәи аҳ Етваа́л иԥҳа Иезаве́ль ԥҳәысс диган, Ваа́л имаҵ ауреи иеихырхәареи далагеит. 32 Уи адагьы, иара Сама́риа иргылаз Ваа́л иҩнаҿы* Ваа́л изы акәырбаннагарҭа иргылеит. 33 Аха́в иара убас иԥшьоу ашьаҟа иргылеит, убасала иара иаԥхьа иҟаз израильтәи аҳцәа зегь раасҭа Израиль Анцәа Иегова длаирҟәуан.

34 Иара ихаан Вефи́ль иатәыз Хие́ль Иерихо́н еиҭашьақәиргылеит. Иара ақалақь ашьаҭа анышьҭеиҵоз, иԥеиҳаб Авира́м дыԥсит, агәашәқәа анҿеиҵоз, иԥеиҵбы Сегу́в дыԥсит, Иегова Иисус Навин ила ишиҳәахьаз еиԥш.

17 Ти́шба иатәыз Галаа́д инхоз Ильиа* Аха́в ус иеиҳәеит: «Зымаҵ зуа*, зыԥсы ҭоу Израиль Анцәа Иегова имаҿоуп, сара исымҳәакәа аӡаӡагьы шыҟамло, ақәагьы шымлеиуа».

2 Иегова Ильиа ус иеиҳәеит: 3 «Уқәҵ арантәи, мрагыларахь уцаны, Иорданынтәи мрагыларахь ишьҭоу Кери́т архаҿы уҽыҵәах. 4 Уара аӡы аӡиас аҟынтәи иужәлоит, сара алаҳәақәа афатә узнаргаларц рыдысҵоит». 5 Ильиа иаразнак Иегова ишиҳәаз еиԥш зегь ҟаиҵеит, Иорданынтәи мрагыларахь ишьҭаз Кери́т архахь дцан, уа даангылеит. 6 Шьыжьымҭанлеи хәылбыҽхалеи алаҳәақәа ачеи акәаци изааргон, аӡы аӡиас аҟынтәи ижәуан. 7 Аамҭак ашьҭахь аӡиас ҭабеит, избанзар ақәа леиӡомызт.

8 Иегова Ильиа ус иеиҳәеит: 9 «Сидонтәи ақалақь Саре́птаҟа уцаны, уа уаангыл, сара аԥҳәысеиба акруҿалҵаларц ласҳәоит». 10 Иаргьы Саре́птаҟа дцеит. Иара ақалақь агәашә аԥхьа амҿы еизызгоз аԥҳәысеиба дибеит. Уи илызҿиҭын, ус длыҳәеит: «Сбыҳәоит, ҵәыцак аӡы сыҭ». 11 Аӡаагара данца, ус леиҳәеит: «Сбыҳәоит, чакгьы сзаага». 12 Аха лара ус лҳәеит: «Унцәа Иегова, зыԥсы ҭоу Анцәа, имаҿоуп ача шсымам, исымоу аԥҳал ду иҭоу напык ачашылеи аԥҳал хәыҷы иҭоу маҷк ахәшеи роуп. Амҿы ааизганы, сыҷкәыни сареи ҳзы фатәык ҟаҵаны иаҳфоит, нас ҳаԥсуеит».

13 Ильиа ус леиҳәеит: «Бымшәан, бцаны ишыбҳәаз еиԥш иҟаҵа. Аха раԥхьа ибымоу ала ача хәыҷык ӡны исзаага, нас быҷкәыни бареи шәзы фатәык ҟаҵа. 14 Избанзар абас иҳәоит Израиль Анцәа Иегова: „Аԥҳал ду иҭоу ачашылеи аԥҳал хәыҷы иҭоу ахәшеи Иегова адгьыл ахь ақәа лаишьҭаанӡа инҵәаӡом“». 15 Ларгьы дцан, Ильиа ишиҳәаз еиԥш зегь ҟалҵеит. Ларгьы, иаргьы, лҭаацәагьы акырымш ирфаша рыман. 16 Аԥҳал ду иҭаз ачашылеи аԥҳал хәыҷ иҭаз ахәшеи Ильиа ила Иегова ишиҳәаз еиԥш инҵәаӡомызт.

17 Аамҭак ашьҭахь уи аԥҳәыс, аԥшәмаԥҳәыс, лыҷкәын ӷәӷәала дычмазаҩхан, дыԥсит. 18 Усҟан лара Ильиа ус иалҳәеит: «Иузызуи сара, Анцәа иуаҩы? Сыгәнаҳа сгәаларшәаны сыҷкәын душьырц азоума узааз?» 19 Ильиа ус леиҳәеит: «Быҷкәын арахь дсыҭ». Нас ахәыҷы даашьҭихын, дахьынхоз хыхьтәи ауадахь дхеигалан, аиарҭа дықәиҵеит. 20 Иара Иегова абас диҳәеит: «Сынцәа Иегова, зҿы сынхо аԥҳәысеиба лыҷкәын дышьны агәаҟра дақәуршәома?» 21 Нас иара хынтә ахәыҷы дигәыдиҳәҳәалан, Иегова диҳәеит: «Сынцәа Иегова, суҳәоит, ахәыҷы иԥсы ҭалааит». 22 Иегова Ильиа иҳәара иаҳан, аҷкәын иԥсы ҭалеит. 23 Ильиа ахәыҷы хыхьтәи ауада аҟынтә аҩныҟа дылбааиган, иан длиҭан, ус иҳәеит: «Абар, быҷкәын иԥсы ҭоуп». 24 Аԥҳәыс Ильиа ус иалҳәеит: «Уажәшьҭа сара издыруеит уара Анцәа иуаҩы шуакәу, Иегова иҟынтә иуҳәо зегь шиашоу».

18 Аамҭа анца, ахԥатәи ашықәсазы Иегова Ильиа ус иеиҳәеит: «Аха́в иахь уца, избанзар сара адгьыл ахь ақәа ласышьҭырц сыӡбеит». 2 Ильиагьы Аха́в иахь дцеит. Уи аамҭазы Сама́риа амлакра ӷәӷәа ыҟан.

3 Аха́в аҳҭынра иахагылаз А́вди диԥхьеит. (А́вди Иегова даара дицәшәон. 4 Убри аҟынтә Иезаве́ль Иегова иԥааимбарцәа анылшьуаз, иара 100-ҩык аԥааимбарцәа аҳаԥқәа рҿы иҵәахит, ҳаԥык аҿы 50-ҩык, иара уахь ачеи аӡи рызнеигон.) 5 Аха́в А́вди ус иеиҳәеит: «Уааи ҳадгьыл зегь еимаҳдап, еимаҳдап аӡыхьқәеи архақәеи. Иудыруеи, аҳаскьын ҳзыԥшаар, усҟан ҳаҽқәеи ҳгәыжьқәеи еиқәҳархон, ҳарахәгьы ҳцәыԥсӡомызт». 6 Дасу дахьцаша алырхын, адгьыл ршеит. Аха́в мҩак ала дцеит, А́вди даҽа мҩак ала дцеит.

7 Амҩан А́вди Ильиа диԥылеит. А́вди уи данидыр, дшьамхышгыланы диеихырхәан, ус иҳәеит: «Ильиа, ухаҵкы, уара уоума?» — 8 «Ааи, сара соуп, — иҳәеит уи. — Уцаны уԥшәма „Ильиа ара дыҟоуп“ ҳәа иаҳә». 9 Аха А́вди ус иҳәеит: «Гәнаҳас иҟасҵеи, умаҵуҩы Аха́в дишьырц азы диуҭартә еиԥш? 10 Унцәа Иегова, зыԥсы ҭоу Анцәа, имаҿоуп ишыҟам жәларык, аҳрак, сыԥшәма уԥшаара ауаа ахьимышьҭыц. Нас „уи ара дыҟаӡам“ ҳәа аниарҳәалак, уи ажәлари уи аҳреи ушырзымԥшааз ала ирқәуан. 11 Уажәы уара: „Уцаны, уԥшәма ‚Ильиа ара дыҟоуп‘ ҳәа иаҳә ҳәа соуҳәоит“. 12 Сара санцалак, Иегова идоуҳа џьара уагоит, уахьаго здыруада. Аха́в иасҳәар, аха уизымԥшаар, сымшьыкәа саанижьӡом. Сара Иегова схәыҷаахыс сицәшәоит. 13 Ухаҵкы, иуарымҳәаӡеи Иезаве́ль Иегова иԥааимбарцәа анылшьуаз иҟасҵаз, Иегова иԥааимбарцәа 100-ҩык аҳаԥқәа рҿы ишысҵәахыз, ҳаԥык аҿы 50-ҩык, урҭ ачеи аӡи шрызназгоз? 14 Уажәы уара: „Уцаны, уԥшәма ‚Ильиа ара дыҟоуп‘ ҳәа иаҳә ҳәа соуҳәоит“. Симшьуеи!» 15 Аха Ильиа ус иҳәеит: «Зымаҵ зуа*, зыԥсы ҭоу Анцәа Иегова, ар Рынцәа, имаҿоуп, иахьаҵәҟьа иара иахь сцоит».

16 Уи ашьҭахь А́вди Аха́в иахь дцан, зегь изеиҭеиҳәеит. Аха́в Ильиа диԥыларц дцеит.

17 Аха́в Ильиа даниба, ус иҳәеит: «Абар уахьыҟоу, Израиль арыцҳара ду иақәзыршәаз, уара!»

18 Иара иҳәеит: «Сара сакәӡам Израиль арыцҳара иақәзыршәаз, уаб иҩнаҭеи уареи шәоуп. Шәара Иегова иԥҟарақәа ааныжьны, Ваа́лқәа шәрышьҭалеит. 19 Израиль зегь еизганы, сара сахь, Карми́л ашьхахь, инаг, иара убас инаг Иезаве́ль астол илыцахатәоу 450-ҩык Ваа́л иԥааимбарцәеи 400-ҩык иԥшьоу ашьаҟа аԥааимбарцәеи». 20 Аха́в израильаа зегь рахь аацҳара ишьҭын, аԥааимбарцәа Карми́л ашьхаҿы еизигеит.

21 Ильиа ажәлар днарыдгылан, ус иҳәеит: «Зны анахь, зны арахь ианбанӡашәыхало*? Иегова иакәзар Анцәа ду, иара шәишьҭаланы шәцала, Ваа́л иакәзар, уи шәишьҭаланы шәцала». Аха ажәлар ҿырҭӡомызт, ажәакгьы рҳәаӡомызт. 22 Усҟан Ильиа ажәлар ус реиҳәеит: «Иегова иԥааимбарцәа рҟынтә сара заҵәык соуп иаанхаз, Ваа́л иԥааимбарцәа 450-ҩык ыҟоуп. 23 Иҳарҭааит ҩ-цәҵыск, Ваа́л иԥааимбарцәа цәҵыск алхны, еиҿыхны амҿы иақәырҵааит, аха амца аҵарымҵааит. Саргьы цәҵыск ырмазеины, амҿы иақәысҵоит, аха амца аҵасҵаӡом. 24 Шәара шәынцәа ихьӡ ҳәаны шәиҳәа, сара Иегова ихьӡ ҳәаны сиҳәоит. Амца аашьҭны аҭак ҟазҵо иакәхоит Анцәа ду». — «Ибзиоуп», — рҳәеит ажәлар зегьы.

25 Ильиа Ваа́л иԥааимбарцәа ус реиҳәеит: «Ацәҵыс алхны, шәара раԥхьа ишәырмазеи, избанзар шәара еиҳа шәрацәаҩуп. Нас шәынцәа ихьӡ ҳәаны шәиҳәа, аха амца аҵашәымҵан». 26 Даргьы иалырхыз ацәҵыс рган, идырмазеит. Нас шьыжьымҭан инаркны шьыбжьонынӡа Ваа́л ихьӡ ҳәо иҳәон. Дара ҳәҳәон: «Ваа́л, аҭак ҳаҭ!» Аха бжьыкгьы гомызт, аӡәгьы аҭак ҟаиҵаӡомызт. Атрым-трымҳәа иԥо, иҟарҵаз акәырбаннагарҭа акәшара иаҿын. 27 Шьыбжьон Ильиа дырхыччо далагеит: «Иҵегь шәыбжьы шәырду! Шәынцәа иами! Акы дазхәыцуазар, ма ашьышьмахьы дцазар*? Ма дыцәазар ҟалоит, даарԥштәызар?» 28 Дара ишрымчыз иҳәҳәон, ишырҵасыз еиԥш ашьа рҿыкәкәаны идәықәлаанӡа аҟамақәеи асақәеи рыла рыҽԥырҟон. 29 Шьыбжьышьҭахь ааит, аха дара хагаханы* ача кәырбанс анагара аамҭа ааиаанӡа ишыҳәҳәац иҳәҳәон. Аха бжьыкгьы гомызт, аӡәгьы аҭак ҟаиҵаӡомызт.

30 Усҟан Ильиа ажәлар ус реиҳәеит: «Шәааскьа сара сахь». Даргьы наидгылеит. Ильиа еилабганы иҟаз Иегова икәырбаннагарҭа еиҭашьақәиргылеит. 31 Иара Иегова «уара Израиль ухьӡхоит» ҳәа зеиҳәаз Иаков иԥацәа рабиԥарақәа рхыԥхьаӡара инақәыршәаны 12 хаҳә шьҭихит. 32 Урҭ ахаҳәқәа рыла иара Иегова ихьӡала акәырбаннагарҭа иргылан, уи иаакәыршаны ажра ижит. Ажра ахьижыз адгьыл аҿы ҩ-сатак* ажәла лауҵар алшон. 33 Уи ашьҭахь амҿқәа еиқәиҵан, ацәҵыс хәҭа-хәҭала еиҿихын, амҿы иақәиҵан, ус иҳәеит: «Ԥшь-ԥҳал дук аӡы рҭаҭәаны, ирбылуа акәырбани амҿи иақәышәҭәа». 34 Нас ус реиҳәеит: «Ҽазнык иҟашәҵа». Даргьы ҽазнык иҟарҵеит. Еиҭа иҳәеит: «Еиҭа ҽазнык иҟашәҵа». Убас ахынтә раангьы иҟарҵеит. 35 Аӡы акәырбаннагарҭа аганқәа зегьы рҟынтә идәықәлеит. Ильиа ажрагьы аӡы ҭеиҭәеит.

36 Ахәылбыҽха ача кәырбанс анагара аамҭа анааи, аԥааимбар Ильиа акәырбаннагарҭахь днеин, ус иҳәеит: «Иегова, Авраами, Исааки, Израильи Рынцәа, еилыркааит иахьа Израиль Нцәас иҟоу уара шуакәу, сара умаҵзуҩ шсакәу, иҟасҵазгьы уажәала ишыҟасҵаз. 37 Аҭак сыҭ, Иегова! Аҭак сыҭ, арҭ ауаа еилыркаарц азы уара, Иегова, Анцәа ду шуакәу, насгьы ишуҭаху урҭ уара уахь ихынҳәырц».

38 Уи ашьҭахь ажәҩан аҟынтә Иегова имца лбаан, акәырбани, амҿқәеи, ахаҳәқәеи, асабеи, ажра иҭаз аӡи ахәланарбгеит. 39 Ари зегь збаз ажәлар шьамхышгыланы ихырхәан, ҿаарҭит: «Иегова иоуп Анцәа ду! Иегова иоуп Анцәа ду!» 40 Усҟан Ильиа адҵа ҟаиҵеит: «Ваа́л иԥааимбарцәа шәкы! Аӡәымзар-аӡәы дыбналар шәымун!» Даргьы урҭ иаразнак иркит. Ильиа урҭ Кишо́н аӡахьы иган, уа ишьит.

41 Ильиа Аха́в ус иеиҳәеит: «Уцаны акрыф, акрыжә, ақәаршҩы абжьы агара иалагахьеит». 42 Аха́в акрыфара, акрыжәра дцеит. Ильиа Карми́л ахықә ахь дхалан, адгьыл дықәтәеит, ихы ишьамхы инықәиҵеит. 43 Нас иара имаҵуҩы ус иеиҳәеит: «Суҳәоит, хыхь ухаланы, амшын аган ахь уԥшы». Иаргьы дхаланы данынаԥш, ус иҳәеит: «Уа акгьы ыҟаӡам». Убас Ильиа уи бжьынтә дишьҭит. 44 Абжьынтә раан имаҵуҩы ус иҳәеит: «Амшын аҟынтәи напсыргәыҵак иаҟароу аԥҭа хәыҷ ахалара иаҿуп». Ильиа уи ус иеиҳәеит: «Уцаны Аха́в абас иаҳә: „Аҽқәа кәадырны удәықәла, ақәаршҩы ухьымӡарц азы!“» 45 Уи аамҭазы ажәҩан аԥҭа еиқәаҵәақәа хылеит, аԥша шьҭыҵын, ақәаршҩы алагеит. Аха́в иҽыуардын дақәтәаны Изрее́льҟа дцон. 46 Иегова Ильиа амч ииҭеит*. Иара имаҭәа имаҟа иавҵеиҵан, Аха́в иаԥхьа дгыланы, Изрее́льынӡа дыҩны дцон.

19 Аха́в Ильиа иҟаиҵаз зегьы Иезаве́ль илзеиҭеиҳәеит, уи аԥааимбарцәа зегь аҳәала ишишьызгьы леиҳәеит. 2 Усҟан Иезаве́ль Ильиа абас изыналыцҳаит: «Анцәақәа исықәнагоу сақәдыршәааит, еиҳа еицәоугьы сзыруааит, уаҵәыҵәҟьа абри аамҭазы урҭ ирыԥсышьахаз уԥсышьахартә иҟасымҵозар!» 3 Ильиа дшәан, иԥсы еиқәирхарц азы Иудеиа иҟоу Бее́р-Ше́ваҟа дыбналаны дцеит. Имаҵуҩы уа даанижьын, 4 ихаҭа мышкы амҩа дахьықәхоз ацәҳәырахь дцеит. Уа ачықьра* дныҵатәан, аԥсра даҳәо далагеит. Иара иҳәеит: «Уаҳа сылшом. Иегова, ига сыԥсы. Сызлареиӷьуи сара сабацәа рабацәа?»

5 Нас ачықьра дныҵаиан, дыцәеит. Ус амаалықь днаилакьысын, ус иҳәеит: «Угыланы акрыф». 6 Ильиа ибеит иханы иҟаԥшьӡа ишыз ахаҳәқәа ача шрықәыз, аӡы зҭаз аԥҳалгьы шгылаз. Иара акрифан, акрижәын, еиҭа днықәиеит. 7 Аамҭак ашьҭахь Иегова имаалықь даҽазнык дааины дилакьысын, ус иҳәеит: «Угыланы акрыф, избанзар амҩа хара узыԥшуп». 8 Иаргьы дҩагылан, акрифеит, акрижәит. Имч анҭала, амҩа дықәлеит. Анцәа ду ишьха Хори́в аҟынӡа днеиаанӡа 40 мшы уахи-ҽни амҩа дықәын.

9 Уа иара аҳаԥы дҭалан, ауха уа даангылеит. Иегова ус диазҵааит: «Ильиа, иҟауҵои ара?» 10 Иара иҳәеит: «Сара гәык-ԥсыкала умаҵ зуеит, ар Рынцәа Иегова. Аха израильаа дареи уареи ишәыбжьоу аиқәшаҳаҭра иқәныҟәаӡом, дара укәырбаннагарҭақәа дырбгеит, аҳәала уԥааимбарцәа ршьит, сара заҵәык соуп иаанхаз. Аха уажәшьҭа саргьы сыршьыр рҭахуп». 11 Анцәа иҳәеит: «Уҭыҵны, Иегова иҿаԥхьа ари ашьхаҿы угыл». Иегова Ильиа диеиҩсны данцоз, аԥша ӷәӷәа асит, уи Иегова иҿаԥхьа ашьхақәеи ацаҟьақәеи еиҟәнажәжәон, аха Иегова аԥшаҿы дыҟаӡамызт. Нас адгьыл ҵысит, аха Иегова адгьылҵысраҿы дыҟаӡамызт. 12 Адгьылҵысра ашьҭахь амца цәырҵит, аха Иегова амцаҿы дыҟаӡамызт. Амца ашьҭахь иҭынчыз, идуумыз абжьы геит. 13 Ильиа уи абжьы аниаҳа, имаҭәала ихы-иҿы иҵәахын, ддәылҵын, аҳаԥы аҩналарҭа аԥхьа дгылеит. Абжьы ус иазҵааит: «Ильиа, иҟауҵои ара?» 14 Иара иҳәеит: «Сара гәык-ԥсыкала умаҵ зуеит, ар Рынцәа Иегова. Аха израильаа дареи уареи ишәыбжьоу аиқәшаҳаҭра иқәныҟәаӡом, дара укәырбаннагарҭақәа дырбгеит, аҳәала уԥааимбарцәа ршьит, сара заҵәык соуп иаанхаз. Аха уажәшьҭа саргьы сыршьыр рҭахуп».

15 Иегова ус иеиҳәеит: «Ухынҳәны, Дамаск азааигәара иҟоу ацәҳәырахь уца. Уа уаннеилак, Хазае́л сириатәи аҳас дҟаҵаны, ахәша ихьшьы, 16 Нимши́ имоҭа Ииу́и израильтәи аҳас дҟаҵаны, ахәша ихьшьы, Аве́л-Мехо́ла иатәу Шафа́т иԥа Елисеи* уара уҭыԥан ԥааимбарс дҟаҵа. 17 Хазае́л иаҳәа иацәынхо Ииу́и иаҳәа дзацәцаӡом, уи дишьуеит, Ииу́и иаҳәа иацәынхо Елисеи иаҳәа дзацәцаӡом, Елисеи уи дишьуеит. 18 Сара Израиль Ваа́л имеихырхәоз, дгәыдзымкылоз 7 000-ҩык ауаа нханы исымоуп».

19 Ильиа уантәи дцан, Шафа́т иԥа Елисеи диԥшааит. Елисеи уӷәк ҩба-ҩба цәы рыҵакны 24 цәы рыла амхы ицәаӷәон, ихаҭа аҵыхәтәантәи ҩ-цәык раԥхьа дгылан. Ильиа уи днаидгылан, имаҭәа ишәхаиршәит. 20 Елисеи ицәқәа аанижьын, дыҩны Ильиа дишьҭалан, ус иеиҳәеит: «Сани саби абзиараз ҳәа раҳәара* азин сыҭ. Нас суцны сцоит». Иара иҳәеит: «Уца. Сара мап уцәыскуама?» 21 Елисеи даныхынҳә, ҩ-цәык ишьит. Амҿы иалхыз акәаҭан ахәҭақәа рыла амца еиқәиҵан, акәац ижәит. Нас акәац ауаа ирзишан, ирфеит. Уи ашьҭахь Ильиа дишьҭаланы дцан, имаҵ аура далагеит.

20 Сириатәи аҳ Бен-Хада́д ир зегь ааизиган, 32-ҩык аҳцәа рҽыуардынқәеи дареи иманы Сама́риа дакәшаны икын, аибашьра далагеит. 2 Иара израильтәи аҳ Аха́в иахь, ақалақь ахь, ацҳаражәҳәаҩцәа ишьҭын, абас изынаицҳаит: «Абас иҳәоит Бен-Хада́д: 3 „Ураӡни ухьи сара истәуп, сара истәуп иреиӷьӡоу уҳәсақәеи уҷкәынцәеи“». 4 Израильтәи аҳ абас иҳәеит: «Саҳ, ухаҵкы, ишуҳәаз еиԥш, саргьы уара сутәуп, исымоугьы зегьы уара иутәуп».

5 Нас ацҳаражәҳәаҩцәа хынҳәын, ус иарҳәеит: «Абас иҳәоит Бен-Хада́д: „Сара ауаа узынасышьҭит, ураӡни, ухьи, уҳәсақәеи, уҷкәынцәеи сара исуҭарц азы. 6 Уаҵәы абри аамҭазы смаҵуцәа узынасышьҭуеит, дара уҩни умаҵуцәа рыҩнқәеи еимдааны, угәы ззыбылуа зегьы дәылганы иргоит“».

7 Израильтәи аҳ ажәлар реиҳабацәа зегь еизиган, ус иҳәеит: «Шәара ижәбоит ари ауаҩ цәгьарак ҳзиурц дшашьҭоу, избанзар иара сыҳәсеи, сыҷкәынцәеи, араӡни, ахьи игарц ауаа ааишьҭхьан, сара мап ицәысымкӡеит». 8 Ажәлар реиҳабацәеи ажәлари еицҿакны ус рҳәеит: «Ииҳәо ҟаумҵан, уақәшаҳаҭымхан». 9 Убри аҟынтә иара Бен-Хада́д ицҳаражәҳәаҩцәа ус реиҳәеит: «Аҳ ихаҵкы ус иашәҳә: „Умаҵуҩы раԥхьа узызиҳәаз ҟасҵоит, аха уажәы иуҳәаз сзыҟаҵаӡом“». Даргьы цан, ииҳәаз Бен-Хада́д иарҳәеит.

10 Усҟан Бен-Хада́д ус иеиҳәеит: «Сара Сама́риа ықәызгоит, уа сыруаа ирызхо асабаҵәҟьа нхаӡом, напык-напыкгьы роуӡом. Анцәақәа исықәнагоу сақәдыршәааит, еиҳа еицәоугьы сзыруааит, убас ҟасымҵозар!» 11 Израильтәи аҳ иҳәеит: «Абас иашәҳә: „Абџьармаҭәа анушәуҵо акәӡам, ианушәухуа ауп уаныҽхәаша“». 12 Ақьалақәа рҿы итәаны аҳцәа ирыцызжәуаз Бен-Хада́д ари аҩыза аҭак аниаҳа, имаҵуцәа ус реиҳәеит: «Ажәылара шәҽазыҟашәҵа!» Даргьы ақалақь ақәлара рҽазыҟарҵеит.

13 Израильтәи аҳ Аха́в иахь аԥааимбар даан, ус иҳәеит: «Абас иҳәоит Иегова: „Иубома абри ар ду? Сара иахьа урҭ уриааиртә иҟасҵоит, усҟан еилукаауеит сара Иегова шсакәу“». 14 Аха́в дҵааит: «Ишԥаҟауҵо?» Иара иҳәеит: «Абас иҳәоит Иегова: „Апровинциақәа реиҳабацәа рмаҵуцәа рыцхыраарала“». Аха́в дҵааит: «Иалагода аибашьра?» — «Уара», — иҳәеит егьи.

15 Аха́в апровинциақәа реиҳабацәа рмаҵуцәа иԥхьаӡан, 232-ҩык ҟалеит. Нас израильаа зегь иԥхьаӡан, 7 000-ҩык ҟалеит. 16 Дара шьыбжьон идәықәлеит. Уи аамҭазы Бен-Хада́д ицхраауаз 32-ҩык аҳцәеи иареи ақьалақәа рҿы ажәра иаҿын. 17 Апровинциақәа реиҳабацәа рмаҵуцәа ақалақь ианалҵ, Бен-Хада́д иаразнак ауаа ишьҭит иҟалаз еиликаарц азы. Иара иарҳәеит Сама́риа ауаа шалҵыз. 18 Иара иҳәеит: «Аҭынчразы идәықәлазар, ишәкы, еибашьырц идәықәлазаргьы, рыԥсы шҭоу ишәкы». 19 Аха апровинциақәа реиҳабацәа рмаҵуцәеи урҭ ирышьҭаланы инеиуаз аибашьцәеи ақалақь ианалҵ, 20 раӷацәа ршьуа иалагеит. Сириаа бналаны ицеит, израильаа урҭ ирышьҭалеит, сириатәи аҳ Бен-Хада́д иакәзар, иҽыуаа шьоукы дрыцны, аҽы дақәтәаны дыбналаны дцеит. 21 Израильтәи аҳ ддәықәлан, аҽқәеи аҽыуардынқәеи ҟәаҟәаса ишьҭеиҵеит, сириаагьы ԥыххааса иқәиҵеит.

22 Уи ашьҭахь израильтәи аҳ иахь аԥааимбар даан, ус иҳәеит: «Уцаны умчқәа еизга. Иҟаҵатәу уазхәыц, избанзар иааиуа ашықәс алагамҭазы* сириатәи аҳ еиҭа дуқәлоит».

23 Сириатәи аҳ имаҵуцәа ус иарҳәеит: «Рынцәа ашьхақәа Рынцәа иоуп, убри азоуп изаиааиз. Акаршәраҿы ҳрабашьыр, ҳара ҳаиааиуеит. 24 Абар иҟауҵаша. Аҳцәа рҭыԥан аруаа анапхгаҩцәа рхаргыл. 25 Иуцәыӡыз ар аҩыза еизга, аҽқәеи аҽыуардынқәеи шаҟа умаз аҟара еизга. Ҳара урҭ акаршәраҿы ҳрабашьуеит, ҳагьыриааиуеит». Иабжьаргаз дазыӡырҩын, убас иагьыҟаиҵеит.

26 Ашықәс алагамҭазы Бен-Хада́д сириаа ааизиган, Израиль дабашьырц азы Афе́кҟа ддәықәлеит. 27 Израильаагьы рҽааизырган, иаҭахыз зегь рыманы сириаа рахь рҿынархеит. Израильаа урҭ рҿаԥхьа рлагер андыргыла, ҩ-ԥсаса хәыҷык аҟара ауп иахьыҟалаз, си́риаа ракәзар, акәша-мыкәша зегь дырҭәит. 28 Усҟан израильтәи аҳ иахь Анцәа иуаҩы днеин, ус иеиҳәеит: «Абас иҳәоит Иегова: „Сириаа ирҳәоит: ‚Иегова ашьхақәа Рынцәа иоуп, акаршәрақәа Дрынцәаӡам‘, убри аҟынтә сара ари ар ду уриааиртә иҟасҵоит, усҟан еилышәкаауеит сара Иегова шсакәу“».

29 Урҭ рлагерқәа бжьымшы еиҿагылан. Абжьымш рыҽны аибашьра иалагеит. Ҽнакала израильаа 100 000-ҩык шьапыла иҟаз сириаа ршьит. 30 Егьырҭ Афе́кҟа иҩны ицан, ақалақь иалалеит, аха уа егьырҭ инхаз 27 000-ҩык аҭӡамц рықәҳаит. Бен-Хада́дгьы ақалақь ахь дыҩны дцан, ашьҭахьтәи ауадаҿы иҽиҵәахит.

31 Имаҵуцәа ус иарҳәеит: «Ҳара иҳаҳахьеит израильтәи аҳцәа арыцҳашьара злоу* аҳцәа шракәу. Уааи ҳуаҭәақәа аџьабарамаҭәа* акәыршаны, ҳахқәа ашаха акәыршаны, израильтәи аҳ иахь ҳцап. Иудыруеи уԥсы еиқәирхар». 32 Даргьы руаҭәақәа аџьабарамаҭәа акәыршаны, рыхқәа ашаха акәыршаны, израильтәи аҳ иахь ицан, ус рҳәеит: «Умаҵуҩы Бен-Хада́д дуҳәоит иԥсы еиқәурхарц». Аха Аха́в ус иҳәеит: «Иԥсы ҭоума? Уи сашьа иоуп». 33 Амаҵуцәа уи бзиарак иазҳәоуп ҳәа рыԥхьаӡан, иажәа имҵырԥаан, ус рҳәеит: «Ааи, Бен-Хада́д уашьа иоуп». Аха́в ус иҳәеит: «Шәцаны арахь даажәга». Бен-Хада́д иара иахь данаа, Аха́в уи иҽыуардын дақәиртәеит.

34 Бен-Хада́д уи ус иеиҳәеит: «Саб уаб имихыз ақалақьқәа узсырхынҳәуеит, нас уара, саб Сама́риа ишыҟаиҵаз еиԥш, Дамаск ахәаахәҭразы амҩақәа алухуеит».

Аха́в ус иҳәеит: «Сара уоусышьҭуеит, иуҳәаз инақәыршәаны аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵар».

Иаргьы Бен-Хада́ди иареи рыбжьара аиқәшаҳаҭра бжьеиҵан, доуишьҭит.

35 Аԥааимбарцәа рыҷкәынцәа* руаӡәк Иегова иажәала егьи ус иеиҳәеит: «Суҳәоит, усыс». Аха егьи мап икит. 36 Иара ус иҳәеит: «Иегова уахьизымӡырҩыз азы усԥырҵны уанцалакҵәҟьа алым уашьуеит». Иаргьы диԥырҵны дшаацаҵәҟьаз алым игәыдлан дашьит.

37 Нас аԥааимбар даҽаӡәы усыс ҳәа диҳәеит. Уи дисын, дихәит.

38 Аԥааимбар дцан, амҩаҿы аҳ изыԥшра далагеит. Дырзымдырырц азы илақәа аҿаҳәагала иҵәахит. 39 Аҳ диасны данцоз, аԥааимбар уи изҿыҭны абас иеиҳәеит: «Умаҵуҩы аибашьра аилашыҩкра далагылан. Еибашьҩык итҟәаны иргаз аӡә дааиган, ус сеиҳәеит: „Дыхьчала. Дыбналар, уԥсҭазаара ихҭнуҵар акәхоит, мамзаргьы талантк* араӡны суҭоит“. 40 Аха умаҵуҩы егьырҭ аусқәа дахьынӡарҿыз, итҟәаны иргаз дыбналеит». Израильтәи аҳ уи ус иеиҳәеит: «Уара ухаҭа ухы уақәыӡбеит». 41 Усҟан аԥааимбар ашырҳәа илақәа злаҵәахыз аҿаҳәага амихит. Израильтәи аҳгьы уи аԥааимбарцәа руаӡәк шиакәыз идырит. 42 Аԥааимбар уи ус иеиҳәеит: «Абас иҳәоит Иегова: „Ашьра зқәысҵаз ауаҩы дахьоуушьҭыз азы, иара иҭыԥан уара уԥсуеит, ижәлар рҭыԥан ужәлар ҭахоит“». 43 Уи ашьҭахь израильтәи аҳ илахь еиқәышьшьы, игәы каҳаны аҩныҟа Сама́риаҟа дцеит.

21 Аамҭак ашьҭахь абри аҩыза ахҭыс ҟалеит. Изрее́ль самариатәи аҳ Аха́в иаҳҭынра азааигәара Изрее́ль иатәыз Наво́т иӡахәаҭра ыҟан. 2 Аха́в Наво́т ус иеиҳәеит: «Уӡахәаҭра сыҩны ааигәара иҟоуп. Уи сара исыҭ, уа ауҭра ҟасҵоит. Уи аҭыԥан еиҳа еиӷьу аӡахәаҭра усҭоит. Мамзаргьы иуҭахызар, аԥара узысшәоит». 3 Аха Наво́т Аха́в ус иеиҳәеит: «Сабацәа ирҭынхаз адгьыл уара иусҭаӡом, избанзар Иегова ус аҟаҵара иуӡом». 4 Аха́в Изрее́ль иатәыз Наво́т сабацәа ирҭынхаз адгьыл усҭаӡом ҳәа ахьиҳәаз азы, игәы ԥыжәжәо, илахь еимарџьыхәны аҩныҟа дцеит. Аҩны даннеи, ииарҭаҿы днеин, иҿы аҭӡамц ахь инарҳәны дышьҭалеит, акрыфараҵәҟьагьы мап ацәикит.

5 Иԥҳәыс Иезаве́ль иара иахь днеин, диазҵааит: «Угәы иалои? Акрызуумфои?» 6 Иара иҳәеит: «Изрее́ль иатәу Наво́т „уӡахәаҭра сыраахә, ма иуҭахызар, уи ацынхәрас даҽак усҭоит“ ҳәа иасҳәеит. Аха иара иҳәеит: „Сӡахәаҭра усҭаӡом“». 7 Иезаве́ль ус иалҳәеит: «Уара Израиль аҳас уахагылаӡами? Угәы каумыжьын, угыланы акрыф. Сара Изрее́ль иатәу Наво́т иӡахәаҭра уара иутәхартә иҟасҵоит». 8 Лара Аха́в ихьӡала асаламшәҟәқәа лҩын, амҳәыр раарханы, Наво́т дахьынхоз ақалақь аҿы инхоз ажәлар реиҳабацәеи ауаа дуқәеи ирзылышьҭит. 9 Асаламшәҟәқәа рҿы лара илҩит: «Ауаа ачгара иҵаларц рылашәҳәа, Наво́т ажәлар раԥхьа дшәыртәа, 10 иҿаԥхьа ишәыртәа ҩыџьа ауаа хәымгақәа. Урҭ Наво́т иҿагыланы шаҳаҭра рулааит, абас ҳәо: „Уара Анцәеи аҳи ушәиуан!“ Нас ақалақь далганы, ахаҳә дашәырга».

11 Ақалақь аҿы инхоз — Наво́т қалақьк аҿы ицынхоз аиҳабацәеи ауаа дуқәеи — Иезаве́ль ишылҳәаз еиԥш зегь ҟарҵеит. 12 Дара ауаа чгаларц рыларҳәан, Наво́т ажәлар рҿаԥхьа ддыртәеит. 13 Нас ҩыџьа ауаа хәымгақәа ааин, иҿаԥхьа итәеит. Дара зегь рҿаԥхьа Наво́т иҿагыланы, шаҳаҭра аура иалагеит: «Наво́т Анцәеи аҳи ишәиуан!» Уи ашьҭахь ақалақь далырган, ахаҳә дадыргеит. 14 Иезаве́ль ус лзынарыцҳаит: «Наво́т ахаҳә дадырган, дыԥсит».

15 Иезаве́ль Наво́т дшыԥсыз анлаҳа, Аха́в ус иалҳәеит: «Изрее́ль иатәыз Наво́т дыԥсит. Уцаны, иуааирхәар ииҭахымыз аӡахәаҭра га». 16 Аха́в Изрее́ль иатәыз Наво́т дшыԥсыз аниаҳа, иӡахәаҭрахь дцеит, игарц азы.

17 Аха Иегова Ти́шба иатәыз Ильиа ус иеиҳәеит: 18 «Угыланы, Сама́риа аҳра зуа израильтәи аҳ Аха́в иахь уца. Иара уажәы Наво́т иӡахәаҭраҿы дыҟоуп, уи игарц азоуп уахь дызнеиз. 19 Ус иаҳә: „Абас иҳәоит Иегова: ‚Ауаҩы дышьны, имазара угарц аума иуҭаху?‘“ Нас иаҳә: „Абас иҳәоит Иегова: ‚Алақәа Наво́т ишьа ахьдырбзоз уара ушьагьы дырбзалоит‘“».

20 Аха́в Ильиа ус иеиҳәеит: «Суԥшааит, саӷа!» — «Усыԥшааит, — иҳәеит Ильиа. — Анцәа ус уеиҳәоит: „Уааҟәымҵӡакәа Иегова ицәымӷу ахьыҟауҵо азы, 21 сара арыцҳара уақәсыршәоит, Израиль Аха́в иҿы иҟоу ахацәа зегьы, иԥсыҽугьы, зхы иамыхәогьы, ықәызгоит. 22 Сара ушьҭра Нева́т иԥа Иеровоа́ми А́хиа иԥа Ваа́сеи рышьҭра иазызуз аҩыза азызуеит, сыхьӡ ларҟәуа, израильаа агәнаҳа ахьыдурҟаҵоз азы“. 23 Иезаве́ль лзы Иегова абас иҳәеит: „Иезаве́ль Изрее́ль иаҵанакуа дгьылк аҿы алақәа дырфоит. 24 Аха́в ақалақь аҿы ицәыԥсуа — алақәа дырфоит, адәаҿы ицәыԥсуа — аҵарақәа дырфоит. 25 Аха́в иеиԥш иааҟәымҵӡакәа Иегова ицәымӷыз ҟазҵоз даҽа аҳак дыҟаӡамызт. Уи зегь изырҟаҵоз иԥҳәыс Иезаве́ль лакәын. 26 Иара аус ҿаасҭақәа ҟаиҵон, Иегова израильаа ирылигаз аморе́иаа реиԥш аидол хәымгақәа дрымҵахырхәон“».

27 Аха́в ари аниаҳа, имаҭәа ишәхаԥижәан, аџьабарамаҭәа ишәиҵеит. Иара аџьабарамаҭәа ишәҵаны дычгон, илахь еиқәышьшьы дныҟәон. 28 Усҟан Иегова Ти́шба иатәыз Ильиа ус иеиҳәеит: 29 «Иубома Аха́в иԥагьара ааныжьны, сҿаԥхьа ахынраалара шааирԥшыз? Уи азы сара иара ихаан иҩнаҭа арыцҳара иақәсыршәаӡом, иԥа ихаан ауп иҩнаҭа арыцҳара ианақәсыршәо».

22 Сириеи Израильи рыбжьара хышықәса аибашьра ыҟаӡамызт. 2 Ахԥатәи ашықәсазы иудеиатәи аҳ Иосафа́т израильтәи аҳ иахь дцеит. 3 Израильтәи аҳ имаҵуцәа ус реиҳәеит: «Рамо́т-Галаа́д ҳара ишаҳтәу жәдыруеит, арахь ҳара уи сириатәи аҳ имхра ҳашьҭаӡам». 4 Нас иара Иосафа́т ус диазҵааит: «Рамо́т-Галаа́д агара усыццома?» Иосафа́т израильтәи аҳ ус иеиҳәеит: «Уахьцо сцоит, сыжәлар — ужәлар роуп, сыҽқәагьы уара иутәуп».

5 Аха Иосафа́т израильтәи аҳ ус иеиҳәеит: «Раԥхьа Иегова ииҳәо еилкаа». 6 Усҟан израильтәи аҳ 400-ҩык раҟара аԥааимбарцәа еизиган, ус дразҵаааит: «Сцаны, Рамо́т-Галаа́д сақәларыма?» Дара ирҳәеит: «Уца, Иегова уи аҳ ииҭоит».

7 Иосафа́т ус иҳәеит: «Ара Иегова иԥааимбар дыҟаӡами? Шәааи уигьы ҳиазҵаап». 8 Израильтәи аҳ иудеиатәи аҳ Иосафа́т ус иеиҳәеит: «Дыҟоуп даҽаӡәгьы, убри ила Иегова уиазҵаар ҟалоит. Аха сара уи дысцәымӷуп, избанзар иара ахаан цәгьарамзар бзиарак иазку ԥааимбаражәак сара сзы имҳәацт. Уи И́мла иԥа Михе́и иоуп». Аха Иосафа́т ус иҳәеит: «Аҳ ус иҳәар ҟалаӡом».

9 Израильтәи аҳ имаҵуҩы дааиԥхьан, ус иеиҳәеит: «И́мла иԥа Михе́и ирласны дысзаага». 10 Израильтәи аҳи иудеиатәи аҳ Иосафа́ти аҳцәа рымаҭәа рышәҵаны, самариатәи агәашә аԥхьа, ачарыц ахьырҭәаҭәоз, раҳра ҭыԥқәа рҿы итәан, рҿаԥхьа аԥааимбарцәа зегь ԥааимбаруан. 11 Кенаа́на иԥа Седе́киа аиха иалхны атәыҩақәа ҟаиҵан, ус иҳәеит: «Абас иҳәоит Иегова: „Абарҭ рыла укшаны сириаа ықәугаанӡа урыслоит“». 12 Егьырҭ аԥааимбарцәагьы уи акәын ирҳәоз: «Уцаны Рамо́т-Галаа́д уақәла, аиааирагьы угоит. Иегова уи аҳ ииҭоит».

13 Михе́и дааигарц ирышьҭыз ауаҩы ус иеиҳәеит: «Аԥааимбарцәа зегьы аҳ игәы иахәо ауп ирҳәо. Уаргьы дара реиԥш игәы иахәо ак ҳәа». 14 Аха Михе́и ус иҳәеит: «Зыԥсы ҭоу Анцәа Иегова имаҿоуп, сара Иегова исеиҳәо заҵәык ауп исҳәо». 15 Михе́и аҳ иахь данаа, аҳ ус диазҵааит: «Михе́и, сцаны Рамо́т-Галаа́д сақәларыма?» — «Уца, — иҳәеит иара. — Аиааира угоит. Иегова уи аҳ ииҭоит». 16 Аҳ уи ус иеиҳәеит: «Шаҟантә урқәны ажәа умысхлар акәзеи, Иегова ихьӡала аиаша заҵәык уҳәаларц азы?» 17 Усҟан Михе́и ус иҳәеит: «Сара ашьхақәа иԥсаҟьаны ирылоу израильаа збоит, урҭ ахьча дызмам ауасақәа иреиԥшуп. Иегова иҳәеит: „Урҭ уаҳа аԥшәма дрымаӡам. Ҭынч рыҩныҟақәа рахь ихынҳәааит“».

18 Израильтәи аҳ иудеиатәи аҳ Иосафа́т ус иеиҳәеит: «Иуасымҳәази ари цәгьарамзар бзиарак иазку ԥааимбаражәак сара исызкны ишимҳәо».

19 Нас Михе́и иациҵеит: «Шәазыӡырҩы Иегова ииҳәо! Сара Иегова иаҳраҭыԥ аҿы дызбеит, иара убас избеит иааигәара игылаз, иарӷьарахь алеи иармарахь алеи игылаз жәҩантәи ир зегьы. 20 Иегова дҵааит: „Аха́в дызжьода, уи Рамо́т-Галаа́д дцаны дҭахарц азы?“ Аӡәы ак иҳәон, егьи даҽак иҳәон. 21 Нас маалықьк* даарылҵын, Иегова иҿаԥхьа днагылан, ус иҳәеит: „Сара дызжьоит“. Иегова дҵааит: „Ишԥаҟауҵо?“ 22 Иара иҳәеит: „Сцаны, иԥааимбарцәа зегьы амц рҳәартә иҟасҵоит“. Усҟан Анцәа ус иҳәеит: „Уара уи дузжьоит. Уцаны убас иҟаҵа“. 23 Абар Иегова уԥааимбарцәа зегь амц дирҳәеит. Иегова иӡбеит арыцҳара ушақәшәо».

24 Кенаа́на иԥа Седе́киа Михе́и днаидгылан, диҿасын, ус иҳәеит: «Иегова идоуҳа сара сааныжьны, уара ула ицәажәоит ҳәа аума иуҳәарц иуҭаху?» 25 Михе́и ус иҳәеит: «Уара уи ашьҭахьӡатәи ауадаҿы уҽануҵәахло аҽны еилукаауеит». 26 Израильтәи аҳ ус иҳәеит: «Михе́и ақалақь аиҳабы Амо́ни аҳ иԥа Иоа́си рахь дыжәга. 27 Урҭ абас рашәҳә: „Аҳ адҵа ҟаиҵеит аиааира ганы дхынҳәаанӡа абри ауаҩ абахҭа дҭаркырц, насгьы ачеи аӡи ихәҭоу аасҭа еиҵаны ирҭаларц“». 28 Михе́и ус иҳәеит: «Аиааира ганы ухынҳәыр, Иегова сара сыла дцәажәаӡомызт», — нас иациҵеит: «Зегьы исҳәаз гәнышәкыл».

29 Уи ашьҭахь израильтәи аҳи иудеиатәи аҳ Иосафа́ти Рамо́т-Галаа́д иақәларц идәықәлеит. 30 Израильтәи аҳ иудеиатәи аҳ Иосафа́т ус иеиҳәеит: «Сара даҽак сышәҵаны еибашьра сцоит, уара аҳ имаҭәа ушәыз». Израильтәи аҳ аӡәгьы дизымдырыртә еиԥш даҽак ишәиҵан, еибашьра дцеит. 31 Сириатәи аҳ аҽыуардынқәа ирхагылаз 32-ҩык аиҳабацәа ус реиҳәеит: «Аӡәгьы шәимабашьлан, аруаҩ иоума, аруаа ирхагылоу иоума, израильтәи аҳ заҵәык шәиабашьла». 32 Аҽыуардынқәа реиҳабацәа Иосафа́т данырба, израильтәи аҳ иакәыз џьыршьан, ижәларц азы иара иахь рҿынархеит. Аха Иосафа́т ацхыраара аҳәара даналага, 33 израильтәи аҳ шиакәмыз еилыркаан, ицрыҵын, рышьҭахьҟа ихьаҳәит.

34 Аӡәы ахыци ахәымпали рыла данхыс, машәырла израильтәи аҳ дихәит. Ахы иабџьармаҭәа абжьара иақәшәеит. Аҳ аҽыуардын иақәтәаз ус иеиҳәеит: «Ухынҳәы, аибашьра ҭыԥ салга, сара ӷәӷәала схәуп». 35 Аибашьра аҽнынтәарак еилашуан. Аҳ сириаа рахь ихы рханы аҽыуардын дҭагылазарц азы иҵагылан, ихәра иаҿыкәкәоз ашьа аҽыуардын иҭаҭәон. Ахәылбыҽха дыԥсит. 36 Амра аҭашәамҭаз аруаа абас рыларҳәеит: «Дасу шәықалақь ахь, шәыдгьыл ахь, шәхынҳәы!» 37 Аҳ дыԥсит. Уи Сама́риаҟа даарган, анышә дарҭеит. 38 Иҽыуардын акаҳԥцәа рҽахьыркәабоз самариатәи аӡҭачы аҿы ианырыӡәӡәоз, алақәа Иегова ишиҳәаз еиԥш ишьа дырбзон*.

39 Аха́в иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәеи, аслан бҩа иалхны иргылаз аҩни, иргылаз егьырҭ ақалақьқәеи ртәы израильтәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 40 Аха́в данԥсы, иара ишьҭахь иԥа Охо́зиа аҳас дҟалеит.

41 А́са иԥа Иосафа́т Иудеиа аҳас дҟалеит израильтәи аҳ Аха́в аҳра аниуаз аԥшьбатәи ашықәс азы. 42 Иосафа́т аҳас даныҟала 35 шықәса ихыҵуан, 25 шықәсагьы Иерусалим дахагылан. Иан Азу́ва лыхьӡын, Ши́лхи лыԥҳа лакәын. 43 Иара иаб А́са дызныз амҩа данын, иаб имҩа данымҵӡакәа, Иегова ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡоз ҟаиҵон. Аха аҳаракырақәа рҿы аԥшьаҭыԥқәа ықәгаӡамызт, ажәлар уахь акәырбанқәа шнаргац инаргон, акәырбан былны алҩа рышьҭуан. 44 Иосафа́т израильтәи аҳ диабашьӡомызт, реизыҟазаашьақәа бзиан. 45 Иосафа́т иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәеи, ииааирақәеи, дшеибашьуази ртәы иудеиатәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 46 Иара убас иара иаб А́са иаан инхаз амцнцәахәқәа рныҳәарҭақәа рҿы икаҳԥуаз ахацәа рҟынтә атәыла ирыцқьеит.

47 Едо́м аҳ дыҟаӡамызт, уа иҟаз анапхгаҩ иакәын.

48 Иосафа́т таршиштәи аӷбақәа* иргылеит, Офи́рынтәи ахьы ааигаларц азы, аха урҭ уахь изымнеиӡеит, избанзар Ецио́н-Геве́р иԥыххааса ицеит. 49 Аха́в иԥа Охо́зиа Иосафа́т ус иеиҳәеит: «Умаҵуцәа аӷбақәа рыла ианцо смаҵуцәагьы рыццааит». Аха Иосафа́т дақәшаҳаҭымхаӡеит.

50 Иосафа́т данԥсы, иабацәа рабацәа анышә иахьамаз иабацәа раб Давид иқалақь аҿы анышә дарҭеит. Иара ишьҭахь иԥа Иора́м аҳас дҟалеит.

51 Аха́в иԥа Охо́зиа Сама́риа израильтәи аҳас дҟалеит иудеиатәи аҳ Иосафа́т аҳра аниуаз жәибыжьтәи ашықәс азы, ҩышықәсагьы Израиль аҳас дыҟан. 52 Иара Иегова ицәымӷыз ҟаиҵон, иани, иаби, израильаа агәнаҳа дзырҟаҵаз Нева́т иԥа Иеровоа́ми рымҩа данын. 53 Иара Ваа́л имаҵ иуан, диеихырхәон, иаб иеиԥш Израиль Анцәа Иегова ихьӡ лаирҟәуан.

Ма «игәы иирхьыр иҭахӡамызт».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «сҿызхыз».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «атәыҩа». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Атәыҩа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «атәыҩа». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Атәыҩа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «атәыҩа». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Атәыҩа».

Ма «игәаларшәарақәа».

Ма «ҟәыӷарала ухы мҩаԥугалоит».

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Аԥсы».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «уара уҿы израильтәи аҳраҭыԥ аҟынтә ауаҩы дыхҵәаны дамххаӡом».

Ма «иԥацәа рахь гәыбылрала иҭәу абзиабара аарԥшы».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ишлара ашьа иарганы шео́л иаҭ». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иабацәа рабацәа дрываиеит».

Мамзаргьы иҟалап «имариам». Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ихьанҭоу».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «лгәы дықәылҵеит».

Ма «зыгәра игоз; иабжьгаҩ».

6 600 л. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

13 200 л.

Евфрат аҟынтә мраҭашәарахь.

Ари ахыԥхьаӡара напылаҩырақәак рҿы иаагоуп, иара убас иаагоуп 2Аш 9:25 аҿы. Егьырҭ анапылаҩырақәа рҿы иаагоуп ахыԥхьаӡара 40 000.

Ма «ҽыуааи».

Ма «иҳәеит».

Иҟалап иҳәазо ашамҭақәеи ахәаҷа-маҷақәеи ракәзар зыӡбахә ҳәоу.

Иҟалап аҳцәа рхаҭарнакцәа ракәзар зыӡбахә цо.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахәша шихьыршьыз».

Ма «еснагь Давид бзиа дибон».

Ма «ԥхьаӡашьак змам ари ажәлар».

4,4 млн л. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

4 400 л.

Ма «аидара ныҟәызгоз».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Израиль аԥацәа».

Шәахәаԥш Ацҵа Б15.

Шәахәаԥш Ацҵа Б8.

Аныҳәарҭа заҟараз: 26,7 × 8,9 × 13,4 м. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ма «аҭбаара».

4,5 м раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Зыӡбахә цо Иԥшьоу аҭыԥ ауп.

Зыӡбахә цо Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ ауп.

2,2 м раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

2,7 м раҟара.

3,1 м раҟара.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «арыӷьарахьтәи».

Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ аԥхьа иҟаз Иԥшьоу аҭыԥ.

17,8 м. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Иҟалап аколоци́нт акәзар, аҟабқәа ирыжәлоуп.

Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ заҟараз: 8,9 × 8,9 × 8,9 м. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ма «ацепь».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахәшаҵла»; иҟалап алеппотәи аԥса.

Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ.

Иҟалап зыӡбахә цо ашә арама аиҿартәышьа акәзар, ма ашәқәа роуреи рыҭбаареи ракәзар.

Иҟалап зыӡбахә цо ашә арама аиҿартәышьа акәзар, ма ашәқәа роуреи рыҭбаареи ракәзар.

Шәахәаԥш Ацҵа Б15.

Ма «ахан».

Аҩны заҟараз: 44,5 × 22,3 × 13,4 м. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ма «ԥшь-кәакьк рыҭаны иҟаҵан».

Абарҵа заҟараз: 22,3 × 13,4 м. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

4,5 м раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

3,6 м раҟара.

Ма «аџьаз», ара еиԥш, анаҩсгьы ари ахаҿы.

8 м раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

5,3 м раҟара.

2,2 м раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ма «ацепьқәа».

1,8 м раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Зыӡбахә цо Иԥшьоу аҭыԥ ауп.

Ма «аладахьы».

Иаанагоит «Иара [Иегова] ишьақәирӷәӷәааит».

Ма «аҩадахьы».

Иҟалап иаанагозар «амч ала».

Ма «арезервуар».

Иҟалап аколоци́нт акәзар, аҟабқәа ирыжәлоуп.

Маҿак 7,4 см иҟоуп.

44 000 л. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Аӡы зҭаз ачанқәа зықәгылаз акәырҷыжьқәа.

Акәырҷыжь заҟараз: 1,8 × 1,8 × 1,3 м раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ма «ԥшь-барбалк».

66,8 см раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

44,5 см.

Урысшәала «ступицы».

22,3 м раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

880 л. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ма «диаметрала ԥшь-мышьхәылҵк».

Иордан аԥшаҳәа аҟынтә Цоа́рынӡа ишьҭаз аҳабла.

Ма «Анцәа иҿаԥхьа иқәырҵоз ача».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ииԥшьаз».

Шәахәаԥш Ацҵа Б15.

Ақьалақәа рныҳәа.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «знапала иагьыназыгӡаз».

Ма «ашәи зцу аҿаҭахьа иирҟаҵар». Иаанагон уи аҩыза аҿаҭахьа зқәызҵоз ауаҩы иҿаҭахьа наимыгӡар, мамзаргьы амц ҳәаны дқәыр, иқәнага дшақәдыршәоз.

Ма «аԥакәа иакыр». Шәахәаԥш Ажәар.

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Аԥсы».

Ма «урзыӡырҩла урҭ зуҳәозаалакгьы».

Ма «Ха́мат аҭаларҭа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аабатәи амш аҽны», даҽакала иуҳәозар, бжьымшы ицоз аҩбатәи апериод ашьҭахь инеиуаз амш.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «жәамаананы иҟалоит».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «дцәыҵашәышәуа».

Мамзаргьы иҟалап «акгьы иаԥсам адгьыл».

4,1 т раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ма «Милло́». Ауриатә ажәа иаанагоит «арҭәра». Иҟалап уи ақалақь ахьчара иацхрааларц азы иргылазҭгьы.

Ма «ирӷәӷәеит».

14,4 т раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ма «ацуфарақәа».

4,1 т раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

22,8 т раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

6,8 кг раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

1,7 кг раҟара. Ауриатә Ҩырақәа рҿы зыӡбахә ҳәоу амина 570 г иҟоуп. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Абалдахин.

Ма «иҽыуааи».

Ма «ҽыуааи».

Мамзаргьы иҟалап «Египетынтәи, насгьы Куе́нтәи; аҳ ихәаахәҭцәа урҭ Куе́ иаархәон». Куе́ ҳәа зыӡбахә цо Килики́а акәзар ҟалап.

1,7 кг раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иҳәса хәыҷы-хәыҷла игәы Анцәа ицәыхарартәит».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «игәы зегьы Инцәа Иегова ицӡамызт».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «игәы».

Мамзаргьы иҟалап «агәыԥҳәы даҵылхит».

Ахылҵ.

Аҳратә династиа.

Шешо́нк I.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ауӷә».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рқьалақәа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Анцәа иуаҩы».

Ма «ашша иаганы иҟоу ахәа». Кәырбанс инаргоз аԥстәқәа рышша злачны иҟаз ахәа.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ирхынҳәыз аԥааимбар изы».

Ма «абригь-абригь лаҳә».

Ма «исышьҭаз».

Атростник.

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Иԥшьоу ашьаҟа».

Уи А́виа ҳәагьы ишьҭан.

Ма «игәы-иԥсы Инцәа Иегова изкӡамызт».

Ахылҵ.

«Аидол хәымгақәа» ҳәа еиҭагоу ауриатә ажәа ара ажәа «ауац» иазааигәазар ауеит, иаанарԥшуеит игәырхынҳәыгоу акы.

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Иԥшьоу ашьаҟа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ирыԥшьаз».

Ма «ирӷәӷәаз».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Израиль».

68,4 кг. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Иаанагоит «Шеме́р ишьҭра иатәу».

Ма «иныҳәарҭаҿы».

Иаанагоит «Сынцәа Иегова иоуп».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «зҿаԥхьа сгылоу».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «зҿаԥхьа сгылоу».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шәанбанӡацыркьло».

Мамзаргьы иҟалап «џьара амҩа дықәзар».

Ма «аԥааимбарцәа реиԥш рхы мҩаԥго».

14,7 л раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Ильиа Иегова инапы ицын».

Аракитник.

Иаанагоит «Анцәа Аиқәырхаҩ иоуп».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ргәыдкылара».

Иааиуа ааԥынразы.

Ма «гәыбылрала иҭәу абзиабара аазырԥшуа».

Шәахәаԥш Ажәар.

«Аԥааимбарцәа рыҷкәынцәа» аҵара еицызҵоз ма аус еицызуаз аԥааимбарцәа ргәыԥ ахь иаҵанакуазар ауеит.

Талантк 34,2 кг иҟоуп.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «доуҳак».

Мамзаргьы иҟалап «акаҳԥцәа рҽахьыркәабоз алақәа ишьа дырбзон».

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Таршиштәи аӷбақәа».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра