Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • nwt Ездра 1:1—10:44
  • Ездра

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ездра
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Ездра

ЕЗДРА

1 Персиатәи аҳ Кир напхгара аура даналагаз актәи ашықәс азы Иегова Иереми́а ила ииҳәаз ажәақәа наӡарц азы Иегова персиатәи аҳ Кир игәазҭеиҵеит иаҳра зегь аҿы абарҭ ажәақәа рылеиҳәарц, насгьы ашәҟәы ианиҵарц:

2 «Абас иҳәоит персиатәи аҳ Кир: „Ажәҩан Анцәа Иегова адгьыл аҿы аҳрақәа зегь сиҭеит, иара исеиҳәеит Иудеиа иҟоу Иерусалим аҿы аҩны изсыргыларц. 3 Ижәлар иатәу зегьы Рынцәа дырхылаԥшааит, ицааит Иудеиа иҟоу Иерусалимҟа, насгьы Израиль Анцәа Иегова иҩны еиҭашьақәдыргылааит, Анцәа ду иҩны, зыҩны Иерусалим иҟаз. 4 Дара ахьынхозаалакгьы* уа иаанхо рыцхрааит. Ирырҭааит ахьы, араӡны, арахә-ашәахә, иаҭаху зегь, иара убас Анцәа ду иҩназы, Иерусалим иҟоу аҩназы, хатәгәаԥхарала иҟарҵо аҳамҭақәа“».

5 Усҟан Иудеи Вениамини рабиԥарақәа ирхагылаз ахацәеи, аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи — Анцәа агәаԥхара зиҭаз зегьы — Иерусалимҟа амҩа иқәларц, насгьы уа Иегова иҩны еиҭашьақәдыргыларц азы рҽеизыргеит. 6 Ргәылацәа зегь урҭ ирыцхрааит. Дара хатәгәаԥхарала иҟарҵаз аҳамҭақәа рыдагьы, араӡны иалхыз амаҭәарқәеи, ахьи, зыхә ҳаракыз аҳамҭақәеи, арахә-ашәахәи рырҭеит.

7 Аҳ Кир адҵа ҟаиҵеит Навуходоно́сор Иерусалимынтәи инцәа иҩнахьы инеигаз Иегова иҩны иатәыз амаҭәарқәа урҭ ирырҭарц. 8 Персиатәи аҳ Кир уи аус аԥараҵәахҩы Митреда́т инапы ианиҵеит. Иара урҭ амаҭәарқәа рсиа ҟаҵаны, Иудеиа аиҳабы Шешбаца́р* ииҭеит.

9 Абар уи асиа: акаҵкәыр иеиԥшыз 30 хьтәы маҭәар, акаҵкәыр иеиԥшыз 1 000 раӡны маҭәар, егьырҭ амаҭәарқәа 29, 10 ахьы иалху агәыблаа хәыҷқәа 30, араӡны иалху агәыблаа хәыҷқәа 410, егьырҭ амаҭәарқәагьы 1 000. 11 Ахьи араӡни ирылхыз амаҭәарқәа зегь ааизакны 5 400 цыра ыҟан. Уи зегьы Шешбаца́р дахьцоз иманы дцеит, атҟәацәа Вавилонынтәи Иерусалимҟа ианцоз.

2 Абар вавилонтәи аҳ Навуходоно́сор аиудеиаа тҟәаны ианига ашьҭахь Вавилонынтәи ихынҳәны апровинциаҿы инхоз. Дара Иерусалимҟеи Иудеиаҟеи, дасу рықалақьқәа рахь ихынҳәит. 2 Урҭ Зорова́вельи, Иешу́еи, Нееми́еи, Сера́иеи, Реела́иеи, Мардохе́ии Билша́ни, Миспа́ри, Бигва́ии, Реху́ми, Баа́неи ирыцны иааит.

Абар израильаа* рсиа: 3 Паро́ш иԥацәа — 2 172-ҩык, 4 Шефа́тиа иԥацәа — 372-ҩык, 5 Ара́х иԥацәа — 775-ҩык, 6 Паха́т-Моа́в иԥацәа, Иешу́еи Иоа́ви рԥацәа рҟынтә — 2 812-ҩык, 7 Ела́м иԥацәа — 1 254-ҩык, 8 За́тту иԥацәа — 945-ҩык, 9 Закка́и иԥацәа — 760-ҩык, 10 Ба́ни иԥацәа — 642-ҩык, 11 Бева́и иԥацәа — 623-ҩык, 12 Азга́д иԥацәа — 1 222-ҩык, 13 Адоника́м иԥацәа — 666-ҩык, 14 Бигва́и иԥацәа — 2 056-ҩык, 15 Ади́н иԥацәа — 454-ҩык, 16 Ате́р иԥацәа, Езеки́а ихылҵшьҭра — 98-ҩык, 17 Беца́и иԥацәа — 323-ҩык, 18 Ио́ра иԥацәа — 112-ҩык, 19 Хашу́м иԥацәа — 223-ҩык, 20 Гибба́р иԥацәа — 95-ҩык, 21 Вифлеем инхоз — 123-ҩык, 22 Нето́фа инхоз — 56-ҩык, 23 Анато́т инхоз — 128-ҩык, 24 Азмаве́т инхоз — 42-ҩык, 25 Кириа́т-Иеари́м инхози, Кефи́ра инхози, Бееро́т инхози — 743-ҩык, 26 Ра́ма инхози Ге́ва инхози — 621-ҩык, 27 Михма́с инхоз — 122-ҩык, 28 Вефи́ль инхози Га́и инхози — 223-ҩык, 29 Не́во инхоз — 52-ҩык, 30 Магби́ш иԥацәа — 156-ҩык, 31 егьи Ела́м иԥацәа — 1 254-ҩык, 32 Хари́м иԥацәа — 320-ҩык, 33 Лод инхози, Хади́д инхози, О́но инхози — 725-ҩык, 34 Иерихо́н инхоз — 345-ҩык, 35 Сена́иа иԥацәа — 3 630-ҩык.

36 Аԥшьаҩцәа: Иеда́иа иԥацәа, Иешу́а ихылҵшьҭра — 973-ҩык, 37 Имме́р иԥацәа — 1 052-ҩык, 38 Пашху́р иԥацәа — 1 247-ҩык, 39 Хари́м иԥацәа — 1 017-ҩык.

40 Алевитцәа: Года́виа иԥацәа рҟынтә Иешу́еи Кадмии́ли рԥацәа — 74-ҩык. 41 Ашәаҳәаҩцәа: Аса́ф иԥацәа — 128-ҩык. 42 Агәашәхьчаҩцәа: Шаллу́м иԥацәа, Ате́р иԥацәа, Талмо́н иԥацәа, Акку́в иԥацәа, Хати́та иԥацәа, Шова́и иԥацәа — 139-ҩык.

43 Аныҳәарҭа амаҵуцәа: Ци́ха иԥацәа, Хасу́фа иԥацәа, Таббао́т иԥацәа, 44 Керо́с иԥацәа, Сиа́га иԥацәа, Фадо́н иԥацәа, 45 Лева́на иԥацәа, Хага́ва иԥацәа, Акку́в иԥацәа, 46 Хага́в иԥацәа, Салма́и иԥацәа, Хана́н иԥацәа, 47 Гидде́л иԥацәа, Гаха́р иԥацәа, Реа́иа иԥацәа, 48 Реци́н иԥацәа, Неко́да иԥацәа, Газза́м иԥацәа, 49 У́зза иԥацәа, Пасеа́х иԥацәа, Беса́и иԥацәа, 50 А́сна иԥацәа — меуни́маа, Нефиси́м иԥацәа, 51 Бакбу́к иԥацәа, Хаку́фа иԥацәа, Харху́р иԥацәа, 52 Бацлу́т иԥацәа, Мехи́да иԥацәа, Ха́рша иԥацәа, 53 Барко́с иԥацәа, Сиса́ра иԥацәа, Тема́х иԥацәа, 54 Нециа́х иԥацәа, Хати́фа иԥацәа.

55 Соломон имаҵуцәа рԥацәа: Сота́и иԥацәа, Софере́т иԥацәа, Феру́да иԥацәа, 56 Иаа́ла иԥацәа, Дарко́н иԥацәа, Гидде́л иԥацәа, 57 Шефа́тиа иԥацәа, Хатти́л иԥацәа, Похере́ф-Гаццеваи́м иԥацәа, А́ми иԥацәа.

58 Аныҳәарҭа амаҵуцәеи Соломон имаҵуцәа рԥацәеи иааизакны 392-ҩык ыҟан.

59 Абар Тел-Мела́хынтәи, Тел-Ха́ршантәи, Керу́вынтәи, Аддо́нынтәи, Имме́рынтәи иааз, аха рабацәеи рабдуцәеи израильаа шракәыз ззышьақәмырӷәӷәоз: 60 Дела́иа иԥацәа, То́виа иԥацәа, Неко́да иԥацәа — 652-ҩык. 61 Аԥшьаҩцәа рԥацәа рҟынтә: Хова́иа иԥацәа, Хакко́ц иԥацәа, Галаа́д иатәыз Барзилла́и иԥҳа дызгаз Барзилла́и иԥацәа. Иара иабхәа ихьӡ игеит. 62 Дара шьҭрала изтәқәаз шьақәдырӷәӷәарц азы рабиԥарақәа рыхьӡқәа ахьаныз иашьҭан, аха ирзымԥшааӡеит, убри аҟынтә иӡбан ԥшьаҩцәас амаҵ ауразы ианаалаӡом ҳәа*. 63 Анапхгаҩы* урҭ ури́ми тумми́ми зхы иазырхәо аԥшьаҩы дцәырҵаанӡа иԥшьоу афатә рфар ҟалаӡом ҳәа реиҳәеит.

64 Иааизакны* 42 360-ҩык ыҟан, 65 7 337-ҩык амаҵуцәа (аҳәсеи ахацәеи) аламҵаӡакәа; иара убас урҭ ирыцын 200-ҩык ашәаҳәаҩцәа (аҳәсеи ахацәеи). 66 Дара ирыман 736 ҽи, 245 гәыжьи, 67 435 махҽи, 6 720 ҽадеи.

68 Дара Иерусалим иҟаз Иегова иҩнахьы ианнеи, абиԥарақәа рхадацәа шьоукы Анцәа ду иҩны уаанӡатәи аҭыԥ аҿы аиҭашьақәыргыларазы хатәгәаԥхарала аҳамҭақәа ҟарҵеит. 69 Дасу илшоз инақәыршәаны, 61 000 ахьтәы дра́хмақәеи*, 5 000 араӡны минақәеи*, аԥшьаҩцәа рзы иауз 100 харԥки ҟарҵеит. 70 Аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи, ашәаҳәаҩцәеи, агәашәхьчаҩцәеи, аныҳәарҭа амаҵуцәеи, егьырҭ ауааи дасу рықалақьқәа рҿы анхара иалагеит. Убас израильаа зегьы рықалақьқәа рҿы анхара иалагеит.

3 Абыжьбатәи амза анааи, израильаа* аӡәк иеиԥш Иерусалим еизеит. Усҟан дасу рықалақьқәа рҿы инхон. 2 Иоцада́к иԥа Иешу́еи егьырҭ аԥшьаҩцәеи Шеалтие́л иԥа Зорова́вель иашьцәеи иареи Израиль Анцәа изы акәырбаннагарҭа дыргылеит, Анцәа ду имаҵуҩы Моисеи изакәан аҿы ишаҳәоз еиԥш ирбылуа акәырбанқәа наргаларц азы.

3 Дара акәырбаннагарҭа уаанӡа иахьгылаз аҭыԥ аҿы идыргылеит, рааигәа-сигәа иҟаз ажәларқәа ишрыцәшәозгьы. Нас уа Иегова акәырбанқәа изнагара иалагеит, ирбылуа ашьыжьтәи акәырбанқәеи ахәылбыҽхатәи акәырбанқәеи. 4 Уи ашьҭахь дара, азакәан ишаныз еиԥш, Ақьалақәа рныҳәа азгәарҭеит. Уи аныҳәа аан есыҽны ирбылуа акәырбанқәа шаҟа аҭахыз наргон. 5 Уи ашьҭахь дара ирбылуаз есыҽнытәи акәырбанқәеи, амзаҿа ангылоз инаргоз акәырбанқәеи, Иегова изкыз аныҳәақәа раан инаргоз акәырбанқәеи, дасу Иегова хатәгәаԥхарала изнеигоз акәырбанқәеи рнагара иалагеит. 6 Дара Иегова абыжьбатәи амза актәи амш инаркны акәырбанқәа изнагара иалагеит, Иегова иныҳәарҭа ашьаҭа макьана ишышьҭаҵамызгьы.

7 Дара ахаҳәцәыҩцәеи анапҟазацәеи аԥара рзыршәон, насгьы персиатәи аҳ Кир азин имхны мшынла Ливанынтәи Ио́ппиаҟа акедр қыдқәа аазгоз сидо́нааи ти́рааи афатәи, ажәтәи, амаслинахәшеи рырҭон.

8 Израильаа Анцәа ду иҩнахьы Иерусалимҟа ианыхынҳә аҩбатәи ашықәсазы аҩбатәи амзазы Шеалтие́л иԥа Зорова́вель, Иоцада́к иԥа Иешу́а, урҭ рашьцәеи — аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи, иара убас атҟәара аҟынтә Иерусалимҟа ихынҳәыз зегьы — аус рнапы адыркит. Иегова иҩны аиҭашьақәыргылара аус ахылаԥшра 20 шықәса иреиҵамыз алевитцәа рнапы ианырҵеит. 9 Убри аҟынтә Иуда иԥацәа — Иешу́а иԥацәеи, иашьцәеи, иареи, Кадмии́л иԥацәеи иареи, — иара убас Хенада́д иԥацәеи, урҭ рԥацәеи, рашьцәеи Анцәа ду иҩнаҿы ицоз аусқәа рхылаԥшра иалагеит. Даргьы левитцәан.

10 Аргылаҩцәа Иегова иныҳәарҭа ашьаҭа анышьҭарҵа, аԥшьаҩцәа рымаҭәа зшәыз, абыкьқәа зкыз аԥшьаҩцәеи акимвалқәа зкыз Аса́ф иԥацәа алевитцәеи рҭыԥқәа аанкыланы игылеит, израильтәи аҳ Давид ишиҳәаз еиԥш Иегова ддырҽхәарц азы. 11 Дара Иегова дырҽхәо, ҭабуп ҳәа иаҳәо, инеимда-ааимдо ашәаҳәара иалагеит: «...избанзар иара дыбзиоуп. Израиль ахь иааирԥшуа гәыбылрала иҭәу абзиабара наӡаӡа иҟоуп». Ажәлар ракәзар, зегьы рыбжьы рдуны Иегова ддырҽхәон Иегова иҩны ашьаҭа ахьышьҭаҵаз азы. 12 Имаҷҩымкәа аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи, абиԥарақәа рхадацәеи — уаанӡатәи аныҳәарҭа збахьаз абыргцәа — аныҳәарҭа ашьаҭа шышьҭаҵаз анырба, рыбжьы рдуны аҵәыуара иалагеит, убри аамҭазгьы игәырӷьаҵәа зыбжьы рдуны иҳәҳәозгьы рацәаҩын. 13 Агәырӷьабжьи аҵәыуабжьи узеиҩдырааӡомызт. Ажәлар убас рыбжьы дуун, рыбжьы харантәигьы иуаҳауан.

4 Иудеи Вениамини раӷацәа ианеилыркаа атҟәара аҟынтә ихынҳәыз ауаа Израиль Анцәа Иегова иныҳәарҭа аиҭашьақәыргылара ишалагаз, 2 Зорова́вельи абиԥарақәа рхадацәеи рахь ицаны абас рарҳәеит: «Ҳаргьы аргылараҿы ҳшәывагылар ҳҭахуп, избанзар шәара шәеиԥш ҳаргьы Шәынцәа ҳимҵахырхәоит*, насгьы ассириатәи аҳ Асархаддо́н ара ҳанирхеижьҭеи Анцәа акәырбанқәа изнаҳгоит». 3 Аха Зорова́вельи, Иешу́еи, израильтәи егьырҭ абиԥарақәа рхадацәеи ус рҳәеит: «Шәара шәҳавагыланы Анцәа иҩны аргылара азин шәымаӡам. Израиль Анцәа Иегова изы аҩны ҳхала иҳаргылоит, персиатәи аҳ Кир ишҳаиҳәаз еиԥш».

4 Усҟан уи адгьыл аҿы инхоз ажәларқәа аиудеиаа ргәы карыжьырц азы ирылшоз зегь аҟаҵара иалагеит, аргылара иаҟәырхырц азы. 5 Дара урҭ ирԥырхагахарц азы персиатәи аҳ Кир аҳра аниуаз инаркны персиатәи аҳ Да́ри аҳра аура далагаанӡа абжьгаҩцәа аархәон. 6 Ахашверо́ш аҳра аура даналага, дара Иудеи Иерусалими инхоз ацәгьа рзырҳәеит. 7 Персиатәи аҳ Артаксе́ркс иаан Бишла́ми, Митреда́ти, иара убас Тавеи́л идгылаҩцәеи иареи аҳ Артаксе́ркс асаламшәҟәы изырҩит. Дара уи арамеи бызшәахьы еиҭаганы арамеи бызшәала ирҩит*.

8 * Ачынуаҩ Реху́ми аписар Шимша́ии Иерусалим инхоз ауаа ахара рыдҵо аҳ Артаксе́ркс асаламшәҟәы изырҩит. 9 (Асаламшәҟәы ҩын ачынуаҩ Реху́м ихьӡала, аписар Шимша́и ихьӡала, урҭ рыдгылаҩцәа рыхьӡала, аӡбаҩцәа рыхьӡала, еиҳа еиҵаз ачынуаа рыхьӡала, амаӡаныҟәгаҩцәа рыхьӡала, Ере́х инхоз рыхьӡала, вавилонаа рыхьӡала, Су́за инхоз ела́маа рыхьӡала, 10 амчра змаз, ҳаҭыр ду зқәыз Аснафа́р самариатәи ақалақьқәа рахь ииаигаз егьырҭ ажәларқәа рыхьӡала, насгьы Аӡиас Анхыҵ* инхоз егьырҭ ауаа рыхьӡала.) 11 Абар уи асаламшәҟәы иаҳәоз:

«Аӡиас Анхыҵ инхо умаҵуцәа рҟынтә аҳ Артаксе́ркс уахь. 12 Ҳаҳ, иудыруазар ҳҭахуп уара уҟынтә ицаз аиудеиаа ҳара ҳахь Иерусалимҟа ишааз. Дара аҿагылара аазырԥшуа ақалақь хәымга еиҭашьақәдыргылоит, аҭӡамцқәа шьҭырхуеит, ашьаҭақәа дырӷәӷәоит. 13 Ҳаҳ, иудыруазар ҳҭахуп ари ақалақь еиҭашьақәдыргылар, аҭӡамцқәагьы шьҭырхыр, аиудеиаа ашәахтәоума, аҳазоума, аҳ изшәатәу ҳәа акгьы шырымшәало, аҳ* ихазынаҭрагьы шҭацәуа. 14 Ҳара аҳ иҟынтә аулафахәы ҳауеит*, иаҳҭахӡам иара ааха иоур, убри аҟынтә, ҳаҳ, абри зегьы удыруазарц азы асаламшәҟәы узаҳашьҭуеит, 15 уара уаԥхьа аҳра зуаз* рҭоурых зну ашәҟәы ҭырҵаарц азы. Уи ашәҟәы аҟынтә уара еилукаауеит ари ақалақь аҿагылара аазырԥшуа ишреиуоу, аҳцәеи апровинциақәеи ауадаҩрақәа шрызцәырнаго, уа жәытә-натә аахыс аиҿагыларақәа шыҟаз. Убри азоуп иԥыххааса изықәҵазгьы. 16 Иудыруазар ҳҭахуп, ҳаҳ, ари ақалақь еиҭашьақәдыргылар, аҭӡамцқәагьы шьҭырхыр, Аӡиас Анхыҵ шуцәыӡуа».

17 Аҳ ачынуаҩ Реху́ми, аписар Шимша́ии, Самариа инхоз урҭ рыдгылаҩцәеи, Аӡиас Анхыҵ инхоз егьырҭ ауааи абас рзиҩит:

«Бзиара шәымаз! 18 Шәара шәҟынтә иҳауз асаламшәҟәы еилыкка исзаԥхьеит*. 19 Сара аҭҵаара мҩаԥыргарц адҵа ҟасҵеит, убри аҟынтә еилкаахеит ари ақалақь жәытә-натә аахыс аҳцәа ишырҿагылоз, уа еснагь аиҿагыларақәеи аилаҩынтрақәеи шыҟаз. 20 Иерусалим аҳра руан Аӡиас Анхыҵ зегьы напхгара азызуаз, амчра ду змаз аҳцәа, урҭ ашәахтәқәеи аҳазеи рзыршәон. 21 Убри аҟынтә урҭ ауаа адҵа рышәҭ аусурақәа ааныркыларц, сара исҳәаанӡа ақалақь аиҭашьақәыргылара иаламгарц. 22 Исҳәаз ишысҳәаз еиԥшҵәҟьа иҟашәҵа, аҳ еиҳаны ааха имоурц азы».

23 Реху́ми, аписар Шимша́ии, урҭ ирыдгылази аҳ Артаксе́ркс исаламшәҟәы ианаԥхьа, аамҭа мгакәа иаразнак Иерусалимҟа идәықәлеит. Уа дара мчыла аиудеиаа русурақәа ааныркылеит. 24 Убас Иерусалим Анцәа иҩны аргылара аанкылан, персиатәи аҳ Да́ри аҳра аниуаз аҩбатәи ашықәсынӡагьы иаанкылан.

5 Нас аԥааимбар Агге́ии И́ддо имоҭа аԥааимбар Заха́риеи ирыцыз Израиль Анцәа ихьӡала Иудеиеи Иерусалими инхоз аиудеиаа рҿаԥхьа аԥааимбарра иалагеит. 2 Усҟан Шеалтие́л иԥа Зорова́вельи Иоцада́к иԥа Иешу́еи Иерусалим Анцәа иҩны аргылара еиҭалагеит. Анцәа иԥааимбарцәагьы рыцын, рыгәгьы шьҭырхуан. 3 Уи аамҭазы Аӡиас Анхыҵ анапхгаҩы Таттена́ии, Шета́р-Бозна́ии, урҭ ирыдгылази дара рахь иаан, ус иразҵааит: «Ари аҩны ргылатәуп ҳәа шәазҳәада, ишәазҳәада аус хыркәшатәуп ҳәа?» 4 Нас ус иразҵааит: «Ирыхьӡуи ари зыргыло ауаа?» 5 Аха Анцәа ауриацәа реиҳабацәа дрыцхраауан азы Таттена́ии егьырҭ ахацәеи урҭ ирԥырхагаӡамызт, аха дара Да́ри иахь асаламшәҟәы рышьҭын, уи аус иазкны аҳ иҭак иазыԥшын.

6 Абар Аӡиас Анхыҵ анапхгаҩы Таттена́ии Аӡиас Анхыҵ еиҳа еиҵаз анапхгаҩцәа Шета́р-Бозна́ии уи ицхырааҩцәеи аҳ Да́ри изырышьҭыз асаламшәҟәы иаҳәоз. 7 Изырышьҭыз асаламшәҟәаҿы абас анын:

«Аҳ Да́ри уахь.

Бзиара умаз! 8 Ҳаҳ, иудыруазар ҳҭахуп ҳара Анцәа ду иҩны ахьыҟоу апровинциа Иудеиаҟа ҳашцаз. Уи аҩны ахаҳә дуқәа рыла идыргылоит, аҭӡамцқәа ақыдқәа бжьарыԥсоит. Ауаа рыбаҩ иацәымаашьаӡакәа аус руеит, аусгьы ирласны ԥхьаҟа ицоит. 9 Ҳара урҭ реиҳабацәа ҳразҵааит: „Ари аҩны ргылатәуп ҳәа шәазҳәада, ишәазҳәада аус хыркәшатәуп ҳәа?“ 10 Иара убас ирыхьӡу ҳарҳәарц раҳҳәеит, ирхагылоу зусҭцәоу уаҳҳәарц азы.

11 Абар дара ирҳәаз: „Ҳара ажәҩани адгьыли Рынцәа имаҵзуҩцәа ҳауп, ҳара акыршықәса раԥхьа иргылаз аҩны — израильтәи аҳ ду иргылаз аҩны — аиҭашьақәыргылара ҳаҿуп. 12 Аха ҳабацәа ажәҩан Анцәа игәы ԥыржәеит, убри азы иара урҭ ари аҩны ԥыххааса иқәызҵаз ҳажәлар Вавилонҟа итҟәаны изгаз вавилонтәи аҳ, ахалде́и Навуходоно́сор, импыҵаирхалартә иҟаиҵеит. 13 Аха вавилонтәи аҳ Кир аҳра аниуаз актәи ашықәсазы Анцәа иҩны еиҭашьақәдыргыларц адҵа ҟаиҵеит. 14 Уи адагьы, аҳ Кир адҵа ҟаиҵеит вавилонтәи аныҳәарҭа идәылыргарц Навуходоно́сор иерусалимтәи аныҳәарҭа аҟынтә идәылганы вавилонтәи аныҳәарҭахь иигаз Анцәа иҩны иатәыз ахьтәы маҭәарқәеи араӡны маҭәарқәеи. Урҭ амаҭәарқәа Кир напхгаҩыс иҟаиҵаз Шешбаца́р зыхьӡыз ауаҩы ирҭеит. 15 Кир уи ус иеиҳәеит: ‚Абарҭ амаҭәарқәа аашьҭыхны, Иерусалим иҟоу аныҳәарҭахь ига. Анцәа иҩны уаанӡа иахьгылаз аҭыԥ аҿы идыргылааит‘. 16 Шешбаца́р Иерусалимҟа дцан Анцәа иҩны ашьаҭа аиркит. Убри аахижьҭеи уи аргылара иаҿуп, макьана ихдмыркәшаӡацт“.

17 Убри аҟынтә, ҳаҳ, угәы иаҭаххозар, Вавилон аҳ ихазынаҭра* гәарҭааит, еилыркааит аҳ Кир Иерусалим Анцәа иҩны дыргыларц адҵа ҟаиҵазу-иҟаимҵазу, нас уи аус иазкны аҳ иуӡбаз ҳзаарышьҭааит».

6 Усҟан аҳ Да́ри адҵа ҟаиҵан, вавилонтәи ахазынаҭра ахьыҟаз анапылаҩырақәа рыҩнаҿы архив ҭырҵааит. 2 Ашәҟәеикәарҳә рыԥшааит мидиатәи апровинциа Екбата́на иҟаз абааш аҿы. Уи абас анын:

3 «Аҳ Кир аҳра аниуаз актәи ашықәсазы Иерусалим ақалақь аҿы Анцәа иҩны иазкны абри аҩыза адҵа ҟаиҵеит: „Идыргылааит акәырбанқәа ахьнарго аҩны, уи ашьаҭагьы дырӷәӷәааит. Аҩны аҳаракыра 60 мышьхәылҵ* иҟазароуп, аҭбаара 60 мышьхәылҵ иҟазароуп. 4 Аҭӡамцқәа рҿы х-радкны ахаҳә дуқәа шьҭтәуп, радк — ақыдқәа шьҭтәуп. Ахарџь аҳ ихазынаҭра аҟынтә ихырҩалааит. 5 Навуходоно́сор иерусалимтәи аныҳәарҭа аҟынтә иааигаз Анцәа иҩны иатәыз ахьи араӡни ирылхыз амаҭәарқәа аҭыԥ ахь ирхынҳәтәуп, Иерусалим иҟоу Анцәа иҩнахьы“».

6 «Аӡиас Анхыҵ анапхгаҩы, уара Таттена́и, иара убас Аӡиас Анхыҵ анапхгаҩы ицхырааҩцәа Шета́р-Бозна́ии уи идгылақәоуи, шәымцан уахь, 7 Анцәа иҩны аргылара шәаԥырхагамхан. Аиудеиаа рнапхгаҩи урҭ реиҳабацәеи Анцәа иҩны уаанӡа иахьгылаз аҭыԥ аҿы еиҭашьақәдыргылааит. 8 Уи адагьы ишәасҳәоит аиудеиаа реиҳабацәа рзы иҟашәҵаша, урҭ Анцәа иҩны аргылара рылшартә еиԥш: урҭ ауаа рхарџь аамҭа мгакәа аҳ ихазынаҭра аҟынтә, Аӡиас Анхыҵ еизырго ашәахтә аҟынтә, ихыжәҩала, аусурақәа аанымкыларц азы. 9 Иерусалим аԥшьаҩцәа ирҭаххозаалакгьы — ажәҩан Анцәа изнарго ирбылуа акәырбанқәа рзы ацәҵысқәа роума, аҭыӷьқәа роума, асарақәа роума, иара убас ачарыц аума, аџьыкахыш аума, аҩы аума, амаслинахәша аума — есыҽны иаарҭаххо зегь рышәҭала, 10 ажәҩан Анцәа игәы иахәо акәырбанқәа наргаларц азы, насгьы аҳ иԥацәеи иареи рзы Анцәа иҳәаларц азы. 11 Сара иара убас абри аҩыза адҵа ҟасҵоит: абри аусԥҟа аӡә дықәымныҟәар, иҩны ақды амырхааит, уи ақдаҿы иара дыкнарҳааит, иҩны ашьышьмаҭра* алырхааит. 12 Зыхьӡ азы ари аҭыԥ алызхыз Анцәа инирҵәааит ари аусԥҟа хьаас изымкуа, насгьы Иерусалим ақалақь аҿы Анцәа иҩны ықәызхуа, уи аҳ иакәзаргьы, ажәлар ракәзаргьы. Сара, Да́ри, абри аҩыза адҵа ҟасҵоит. Уи аамҭа мгакәа инагӡатәуп».

13 Аӡиас Анхыҵ анапхгаҩы Таттена́ии, Шета́р-Бозна́ии, урҭ ирыдгылақәази аҳ Да́ри ииҳәаз зегь ҟарҵеит. 14 Агге́ии И́ддо имоҭа Заха́риеи ирҳәоз аԥааимбаражәақәа аиудеиаа реиҳабацәа ргәы шьҭнахын, аргылара ишаҿыц иаҿын, аусгьы ԥхьаҟа ицон. Дара Израиль Анцәа идҵеи Ки́ри, Да́рии, персиатәи аҳ Артаксе́ркси русԥҟақәеи инарықәыршәаны аргылара хдыркәшеит. 15 Аргылара хыркәшан амза ада́р ахԥатәи амш аҽны, аҳ Да́ри аҳра аниуаз афбатәи ашықәсазы.

16 Израильаа — аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи, иара убас атҟәара аҟынтә ихынҳәыз зегьы — агәырӷьара ду рыманы ари аҩны Анцәа изыркит. 17 Аҩны Анцәа ианизыркуаз, дара кәырбанс инаргеит ацәқәа 100, аҭыӷьқәа 200, асарақәа 400, иара убас израильтәи абиԥарақәа рхыԥхьаӡара инақәыршәаны Израиль зегь азы агәнаҳазы кәырбанс инаргеит аџьмақәа 12. 18 Дара дасу ргәыԥқәа рыла аԥшьаҩцәеи алевитцәеи алырхит, Иерусалим Анцәа имаҵ руларц азы, Моисеи ишәҟәы ишану еиԥш.

19 Атҟәара аҟынтә ихынҳәыз актәи амза жәиԥшьтәи амш аҽны Амшаԥы азгәарҭеит. 20 Аԥшьаҩцәеи алевитцәеи аӡә даанымхакәа рҽыдрыцқьеит, убри аҟынтә зегь цқьан. Дара атҟәара аҟынтә ихынҳәыз рзи, егьырҭ аԥшьаҩцәа рзи, рхази Амшаԥы иазкыз асарақәа ршьуан. 21 Уи акәырбан атҟәара аҟынтә ихынҳәыз израильаа ирфон, урҭ рыдагьы, уи акәырбан рфон урҭ зыҽрыдызкылаз, насгьы Израиль Анцәа Иегова имҵахырхәаларц* азы уи адгьыл аҿы инхоз ажәларқәа ицқьам рҵасқәа мап рцәызкыз зегьы. 22 Дара гәырӷьаҵәа бжьымшы Арҵәыга злам ача аныҳәа азгәарҭон, избанзар Иегова ргәы гәырӷьарыла ирҭәит, ассириатәи аҳгьы дырзыразхартә иҟаиҵеит, Анцәа ду, Израиль Анцәа, иҩны аргылараҿы дрыцхраарц азы*.

7 Ԥыҭрак ашьҭахь, персиатәи аҳ Артаксе́ркс аҳра аниуаз, Е́здра* дхынҳәит. Е́здра Сера́иа диԥан, Сера́иа Аза́риа диԥан, Аза́риа Хи́лкиа диԥан, 2 Хи́лкиа Шаллу́м диԥан, Шаллу́м Цадо́к диԥан, Цадо́к Ахиту́в диԥан, 3 Ахиту́в Ама́риа диԥан, Ама́риа Аза́риа диԥан, Аза́риа Мераио́т диԥан, 4 Мераио́т Зера́хиа диԥан, Зера́хиа У́ззи диԥан, У́ззи Бу́кки диԥан, 5 Бу́кки Авишу́а диԥан, Авишу́а Финее́с диԥан, Финее́с Елеаза́р диԥан, Елеаза́р аԥшьаҩ еиҳабы Ааро́н иԥа иакәын. 6 Уи Е́здра Вавилонынтәи дааит. Иара дыхҩылааҩын*, насгьы Израиль Анцәа Иегова израильаа ириҭаз Моисеи изакәан ибзианы идыруан. Аҳ Е́здра ииҳәаз зегь ииҭеит, избанзар Анцәа Иегова Е́здра дицын*.

7 Аҳ Артаксе́ркс аҳра аниуаз абыжьбатәи ашықәсазы Е́здреи, израильаа шьоуки, аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи, ашәаҳәаҩцәеи, агәашәхьчаҩцәеи, аныҳәарҭаҿы амаҵ зуази Иерусалимҟа рҿынархеит. 8 Аҳ аҳра аниуаз абыжьбатәи ашықәс ахәбатәи амзазы Е́здра Иерусалимҟа дааит. 9 Иара Вавилонынтәи ддәықәлеит актәи амза актәи амш аҽны, Иерусалим днеит ахәбатәи амза актәи амш аҽны, избанзар Анцәа дицхраауан. 10 Е́здра игәы азыҟаиҵеит Иегова изакәан ҭиҵааларц, инаигӡаларц, насгьы израильаа азакәан иану аԥҟарақәеи аӡбарақәеи дирҵаларц азы.

11 Абар аҳ Артаксе́ркс Иегова израильаа ириҭаз азакәанқәеи аԥҟарақәеи ибзианы издыруаз аԥшьаҩы, насгьы ахҩылааҩ Е́здра ииҭаз асаламшәҟәы:

12 * «Аҳцәа раҳ Артаксе́ркс иҟынтә ажәҩан Анцәа изакәан ахҩылааҩ аԥшьаҩы Е́здра уахь. Бзиара умаз! 13 Сара абри аҩыза адҵа ҟасҵоит: саҳраҿы инхо израильаа рҟынтә, иара убас аԥшьаҩцәеи алевитцәеи рҟынтә Иерусалимҟа аӡәыр дуццар иҭаххозар, дуццааит. 14 Аҳ быжьҩык иабжьгаҩцәеи иареи Иудеиеи Иерусалими Унцәа изакәан, уара иумоу* азакәан, иқәныҟәоу-иқәымныҟәоу еилукаарц азы урышьҭуеит. 15 Ига аҳ иабжьгаҩцәеи иареи Иерусалим инхо Израиль Анцәа хатәгәаԥхарала ирҭаз ахьи араӡни, 16 иара убас вавилонтәи апровинциа зегь аҿы еизуго ахьи араӡни, насгьы Иерусалим иҟоу Анцәа иҩны азы ажәлари аԥшьаҩцәеи хатәгәаԥхарала иҟарҵо аҳамҭақәагьы. 17 Уи аԥарала аамҭа умгакәа иаразнак иаахә ацәқәеи, аҭыӷьқәеи, асарақәеи, иара убас ача кәырбани аҩтәы кәырбани рзы иаҭаху зегьы, уи зегьы Иерусалим иҟоу Анцәа иҩнаҿы акәырбаннагарҭа иқәырҵарц азы.

18 Иаанхо ахьи араӡни Шәынцәа ииҭаху инақәыршәаны уашьцәеи уареи иахәҭоуп ҳәа ишышәыԥхьаӡо шәхы иашәырхәа. 19 Иурҭаз Унцәа иҩнаҿы амаҵзуразы иалху амаҭәарқәа зегьы Иерусалимҟа Анцәа иҩнахьы ига. 20 Унцәа иҩназы иҵегь акыр аҭаххозар, аҳ ихазынаҭра аҟынтә игала.

21 Сара, аҳ Артаксе́ркс, Аӡиас Анхыҵ иҟоу аԥараҵәахырҭа аиҳабацәа зегьы дҵас ирысҭоит ажәҩан Анцәа изакәан ахҩылааҩ аԥшьаҩы Е́здра дзызшәыҳәозаалакгьы ишәҭаларц: 22 100 талантк* рҟынӡа араӡны, 100 корк* рҟынӡа ачарыц, 100 батк* рҟынӡа аҩы, 100 батк рҟынӡа амаслинахәша, иара убас аџьыкахыш меигӡарахда. 23 Ажәҩан Анцәа иҩназы иҟаҵатәуп ҳәа ииҳәо зегьы гәацԥыҳәарала иҟашәҵала, Анцәа аҳ иԥацәеи, иареи, ижәлари игәы рызԥымжәарц азы. 24 Шәара азин шәымаӡам аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи, амузыкантцәеи, агәашәхьчаҩцәеи, аныҳәарҭаҿы амаҵ зуеи, Анцәа иҩнаҿы аус зуеи ашәахтәи, аҳазеи, аҟәадеи рымхра.

25 Уара, Е́здра, Анцәа иуиҭаз аҟәыӷара ухы иархәаны аиҳабацәеи аӡбаҩцәеи алх. Урҭ Аӡиас Анхыҵ инхо ажәларқәа, Унцәа изакәанқәа здыруа зегьы, рус рыӡбалааит. Аха урҭ азакәанқәа ззымдыруа аӡәыр дыҟазар, идшәырҵала. 26 Унцәа изакәани аҳ изакәани назмыгӡо иқәнага дақәыршәатәуп, аԥсроума, ақәцароума, ахараԥсоума, абахҭа аҭакроума».

27 Аҽхәаԥхьыӡ игымзааит аҳ Иерусалим ақалақь аҿы Иегова иҩны арԥшӡара игәазҭазҵаз ҳабацәа Рынцәа Иегова! 28 Иара сара сахь гәыбылрала иҭәу абзиабара ааирԥшит, насгьы аҳ иабжьгаҩцәеи, иареи, амчра змоу аҭауадцәеи сзыразхартә иҟаиҵеит. Сара Сынцәа Иегова дсыцын, убри аҟынтә сгәы шьҭыҵын*, Израиль ахадацәа еизызгеит, исыццарц азы.

8 Абар аҳ Артаксе́ркс аҳра аниуаз аамҭазы Вавилонынтәи исыцааз абиԥарақәа рхадацәеи биԥарала ишьақәгылоу рсиеи. 2 Финее́с иԥацәа рҟынтә: Гершо́м. Итама́р иԥацәа рҟынтә: Даниил. Давид иԥацәа рҟынтә: Хатту́ш. 3 Шеха́ниа иԥацәа рҟынтә, Паро́ш иԥацәа рҟынтә: Заха́риеи асиаҿы иаагоу 150-ҩык ахацәеи. 4 Паха́т-Моа́в иԥацәа рҟынтә: Зера́хиа иԥа Елиехоена́и, насгьы уи ицыз 200-ҩык ахацәа. 5 За́тту иԥацәа рҟынтә: Иахазии́л иԥа Шеха́ниа, насгьы уи ицыз 300-ҩык ахацәа. 6 Ади́н иԥацәа рҟынтә: Ионафа́н иԥа Еве́д, насгьы уи ицыз 50-ҩык ахацәа. 7 Ела́м иԥацәа рҟынтә: Ата́лиа иԥа Иеша́и, насгьы уи ицыз 70-ҩык ахацәа. 8 Шефа́тиа иԥацәа рҟынтә: Михаил иԥа Зева́диа, насгьы уи ицыз 80-ҩык ахацәа. 9 Иоа́в иԥацәа рҟынтә: Иехии́л иԥа А́вди, насгьы уи ицыз 218-ҩык ахацәа. 10 Ба́ни иԥацәа рҟынтә: Иоси́фиа иԥа Шеломи́т, насгьы уи ицыз 160-ҩык ахацәа. 11 Бева́и иԥацәа рҟынтә: Бева́и иԥа Заха́риа, насгьы уи ицыз 28-ҩык ахацәа. 12 Азга́д иԥацәа рҟынтә: Хакката́н иԥа Иохана́н, насгьы уи ицыз 110-ҩык ахацәа. 13 Аҵыхәтәаны ихынҳәыз Адоника́м иԥацәа рҟынтә: Елифеле́т, Иеие́л, Шема́иа, насгьы урҭ ирыцыз 60-ҩык ахацәа. 14 Бигва́и иԥацәа рҟынтә: Ута́и, Заббу́д, насгьы урҭ ирыцыз 70-ҩык ахацәа.

15 Сара урҭ Аха́ваҟа ицоз аӡиас аҿы еизызгеит. Уа ақьалақәа ҳаргылан, хымш ҳаангылеит. Ажәлари аԥшьаҩцәеи срылаланы иангәасҭа, левиткгьы дсымбеит. 16 Усҟан сара аиҳабацәа Елиезе́ри, Арие́ли, Шема́иеи, Елната́ни, Иари́ви, Елната́ни, Нафа́ни, Заха́риеи, Мешулла́ми арҵаҩцәа Иоиари́ви Елната́ни ааргарц ауаа сышьҭит. 17 Сара урҭ Каси́фиа ҳәа изышьҭоу аҭыԥ аҿы аиҳабы И́ддо иахь ицарц расҳәеит, Каси́фиа инхо, аныҳәарҭаҿы амаҵ зуа иашьцәеи иареи ирарҳәарц Анцәа иҩнаҿы амаҵ зуло амаҵзуҩцәа ааргарц. 18 Ҳанцәа дҳацын*, убри аҟынтә дара иаҳзааргеит Израиль иԥа Ле́ви имоҭа Ма́хли иԥацәа рҟынтә иҟәыӷаз ауаҩы Шере́виа иԥацәеи, иашьцәеи, иареи, урҭ 18-ҩык ыҟан, 19 Хаша́виеи Мера́ри ишьҭра иатәыз Иеша́ии, уи иашьцәеи, урҭ рыҷкәынцәеи — урҭ 20-ҩык ыҟан, 20 иара убас хьыӡҳәала еиқәыԥхьаӡаз 220-ҩык аныҳәарҭа амаҵуцәа. Урҭ Давид иҭауадцәеи иареи алевитцәа цхырааҩцәас ирырҭаз аныҳәарҭа амаҵуцәа рышьҭра иатәын.

21 Уа, Аха́ва аӡиас аҿы, сара зегьы ирасҳәеит ичгаларц, насгьы ахынраалара аарԥшны Анцәа иҳәаларц, ҳамҩеи, ҳхәыҷқәеи, ҳмазареи дахылаԥшларц азы. 22 Сара аҳ амҩан ҳаӷацәа рҟынтә ҳзыхьчо аруааи аҽыуааи ҳаҭ ҳәа иаҳәара сацәыԥхашьеит, избанзар уаанӡа иаҳҳәахьан: «Ҳанцәа иқәгәыӷуа* зегьы дрыцуп, аха даанзыжьуа зегьы рахь имчи игәыԥжәареи ирхоит». 23 Убри аҟынтә ҳара ҳачгон, насгьы уи азы Анцәа ҳиҳәон, иаргьы ҳаҳәара иаҳаит.

24 Уи ашьҭахь сара аԥшьаҩцәа реиҳабацәа рҟынтә 12-ҩык алысхит, лымкаала Шере́виеи, Хаша́виеи, 10-ҩык урҭ рашьцәеи. 25 Нас икапанны урҭ ирысҭеит аҳ иабжьгаҩцәеи, иареи, аҭауадцәеи, иара убас израильаа зегьы Анцәа иҩназы хатәгәаԥхарала иҟарҵаз ахьи, араӡни, егьырҭ амаҭәарқәеи. 26 Сара урҭ ирысҭеит 650 талант* араӡны, зыкапан 2 талантк* иҟаз араӡны маҭәарқәа 100, 100 талантк* ахьы, 27 1 000 да́рик* иаԥсаз ахьы иалхыз агәыблаа хәыҷқәа 20, иара убас ахьы еиԥш зыхә ҳаракыз, ицырцыруа абҩа цқьа иалхыз 2 маҭәарк.

28 Нас ус расҳәеит: «Шәара Иегова изы шәыԥшьоуп, арҭ амаҭәарқәагьы ԥшьоуп, ари ахьи араӡни шәабацәа Рынцәа Иегова изы хатәгәаԥхарала иҟаҵоу ҳамҭақәоуп. 29 Абри зегьы Иерусалим, Иегова иҩны аҵәахырҭа ауадақәа рҿы*, аԥшьаҩцәеи алевитцәеи реиҳабацәеи израильтәи абиԥарақәа рыҭауадцәеи рҿаԥхьа икапанны ирышәҭаанӡа ибзианы ишәыхьчала». 30 Аԥшьаҩцәеи алевитцәеи ахьи, араӡни, егьырҭ амаҭәарқәеи капанны ирыдыркылеит, Иерусалимҟа, Анцәа иҩнахьы иргарц азы.

31 Абар ҳара актәи амза жәаҩатәи амш аҽны аӡиас Аха́ва аҟынтә Иерусалимҟа ҳдәықәлеит. Ҳанцәа дҳацын. Иара амҩан ҳаӷацәеи арҳәцәеи рҟынтә ҳихьчон. 32 Ҳара Иерусалимҟа ҳааит. Уа хымш ҳаҟан. 33 Аԥшьымш рыҽны ахьи, араӡни, егьырҭ амаҭәарқәеи Ҳанцәа иҩнаҿы икапанны, У́риа иԥа аԥшьаҩы Меремо́ти, Финее́с иԥа Елеаза́ри, иара убас Иешу́а иԥа алевит Иозава́ди, Бинну́и иԥа алевит Ноа́диеи ираҳҭеит. 34 Зегь ԥхьаӡаны иркапанын, шаҟа ҟалаз анырҵеит. 35 Атҟәара аҟынтә ихынҳәыз ирбылуа кәырбанҵас Израиль зегь азы Израиль Анцәа изнаргеит ацәқәа 12, аҭыӷьқәа 96, агәнаҳазы кәырбанҵас инаргеит асарақәа 77, насгьы аџьмақәа 12. Уи зегьы ирбылуа кәырбанҵас Иегова изнаган.

36 Уи ашьҭахь ҳара аҳ иусԥҟақәа аҳ исатрапцәеи* Аӡиас Анхыҵ анапхгаҩцәеи ираҳҭеит. Дара ажәлар рыцхраара иалаган, Анцәа ду иҩназы иаҭаху зегьы рырҭеит.

9 Уи ашьҭахь аҭауадцәа аасыдгылан, ус сарҳәеит: «Израильтәи ажәлари, аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи рааигәа инхо ажәларқәа — ханаа́наа, хе́ттаа, ферезе́иаа, иеву́саа, аммо́наа, моа́ваа, египтаа, аморе́иаа — ихәымгаз рҵасқәеи дареи аанырмыжьӡеит. 2 Дара урҭ рыԥҳацәа ԥҳәысс иргоит, рыҷкәынцәагьы урҭ ажәларқәа рҟынтә аҳәса рзааргоит. Уажәшьҭа иԥшьоу ажәлар егьырҭ ажәларқәа ирылаҩашьеит. Уи ацәгьоураҿы зегь реиҳа ахара зду аҭауадцәеи аиҳабацәеи роуп».

3 Ари ансаҳа, сымаҭәа сышәхаԥызжәеит, сыхцәи сԥаҵеи акыдхра салагеит, сдысны стәан. 4 Израиль Анцәа иажәа ҳаҭыр ду ақәызҵоз*, насгьы атҟәара аҟынтә ихынҳәыз рыцәгьоурақәа згәы ԥнажәаз зегьы сыдеизалеит. Ахәылбыҽха кәырбанс ача анагара иалагаанӡа сшьара сзықәломызт.

5 Ахәылбыҽха кәырбанс ача аннаргоз аамҭазы сыԥсы анааи, исхаԥжәаз амаҭәа шысшәыз сшьамхышгылан, снапқәа Сынцәа Иегова иахь инархханы, 6 абас сҳәеит: «Сынцәа, сыԥхашьаны уҿаԥхьа схы сзышьҭыхӡом. Сынцәа, агәнаҳақәа ҳхыҵәеит, иҳаду ахара ажәҩан аҟынӡа инеит. 7 Ҳабацәа рхаан инаркны иахьа уажәраанӡа ахара ӷәӷәа ҳадуп. Иахьа ишубарҭоу еиԥш, ҳагәнаҳақәа ирыхҟьаны ҳаҳцәеи, ҳаԥшьаҩцәеи, ҳареи атәым аҳцәа рнапаҵаҟа ҳҟалон, аҳәала ҳаршьуан, ҳатҟәаны ҳаргон, ҳдырҳәуан, ҳладырҟәуан. 8 Аха уажәы, Ҳанцәа Иегова, аамҭа кьаҿк иалагӡаны ҳрыцҳаушьеит. Ҳанцәа, уара аиқәхара ҳалуршеит, ҳамшәа-ҳмырҳа иԥшьоу аҭыԥ аҿы анхара азин ҳауҭеит, ҳалақәа ччо ҳгәырӷьаларц, маҵуцәас ҳшыҟәоугьы, хәыҷык ҳамчқәа ҭаларц. 9 Ҳара ҳашмаҵуцәоугьы, Ҳанцәа, уара ҳаанумыжьӡеит, гәыбылрала иҭәу убзиабара ааурԥшын, персиатәи аҳцәа ҳзыразхартә иҟауҵеит. Уара ҳаԥсы ҭоуҵеит, еилабганы ишьҭаз Ҳанцәа иҩны аҭӡамцқәа еиҭашьақәҳаргыларц азы, Иудеиеи Иерусалими ахаҳә ҭӡамц ала ҳухьчеит.

10 Убри ашьҭахь, Ҳанцәа, иаҳҳәараны иҟои? Ҳара уԥҟарақәа аанҳажьит, 11 умаҵзуҩцәа, уԥааимбарцәа, рыла иҳауҭаз, абас ҳәаны: „Ишәтәхарц азы шәахьцо адгьыл — дгьыл хәымгоуп, избанзар уа ауаа хәымгақәа нхоит. Рҵас ҟьашьқәа рыла дара уи адгьыл зегь рҟьашьит. 12 Убри аҟынтә шәыԥҳацәа урҭ рыҷкәынцәа ԥҳәысс ирышәымҭалан, шәаргьы шәыҷкәынцәа рзы урҭ рыԥҳацәа ԥҳәысс ишәымгалан, реизҳазыӷьареи рҭынчреи шәашьҭамлан. Усҟан шәара шәыӷәӷәахоит, уи адгьыл иреиӷьу аҽаҩра шәфалоит, насгьы уи шәыҷкәынцәа наӡаӡа ҳәа ҭынхас ирзыншәыжьуеит“. 13 Ҳус цәгьақәеи хыԥхьаӡара змам ҳагәнаҳақәеи ирыхҟьаны ҳзықәшәаз ашьҭахь, — уара, Ҳанцәа, иҳақәнагаз ҳақәмыршәаӡакәа аиқәхара шҳалуршазгьы, — 14 еиҭа уԥҟарақәа реилагара ҳалагома? Аҵас бааԥсқәа ныҟәызго ажәларқәеи ҳареи аиуара ҳабжьаҳҵома? Усҟан уара угәы ԥжәаны ҳақәухуеит, зыԥсы ҭаны иаанхо аӡәгьы дҟалаӡом, аӡәгьы дзеиқәхаӡом. 15 Израиль Анцәа Иегова, уара аиашара улоуп, уара ҳара ҳҟынтә шьоукы иахьа уажәраанӡа иааугеит. Абар ҳара иҳаду ахара ҳаманы уара уахь ҳааит, иҟаҳҵаз ашьҭахь уҿаԥхьа агылара ҳшаԥсамгьы».

10 Е́здра Анцәа ду иҩны аԥхьа дшьамхышгыланы, ажәлар рыгәнаҳақәа ртәы ҳәо, длаӷырӡышо Анцәа диҳәонаҵы, жәларык ахацәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи иқьызқьызуа идеизалеит. 2 Ела́м иԥацәа рҟынтә Иехии́л иԥа Шеха́ниа Е́здра ус иеиҳәеит: «Ҳара егьырҭ ажәларқәа рҟынтә аҳәса ааҳган, Ҳанцәа дҳаԥсахит, ҳизиашаны ҳаанымхаӡеит, аха уеизгьы Израиль гәыӷрак амоуп. 3 Шәааи Ҳанцәа аҿаҭахьа иаҳҭап урҭ аҳәсеи ирхылҵыз ахәыҷқәеи наҟ ишдәықәаҳҵо, Иеговеи иԥҟарақәа ҳаҭыр ду рықәызҵои ишҳарҳәо еиԥш. Азакәан ишаҳәо еиԥш зегь ҟаҳҵап. 4 Угыл, уара уоуп уи ҟазҵаша, ҳара ҳувагылоит. Уҽырӷәӷәа, умшәан, иаҭаху зегь ҟаҵа!»

5 Усҟан Е́здра аԥшьаҩцәа реиҳабацәеи, алевитцәа реиҳабацәеи, Израиль зегь аиҳабацәеи рқәны ажәа рымихит убас ишыҟарҵо. Даргьы қәны ажәа ирҭеит. 6 Нас Е́здра Анцәа ду иҩны аҟынтә Ельиаши́в иԥа Иехохана́н иуадахь* дцеит. Уахь дцеит, аха акрифомызт, акрижәуамызт, дгәырҩон, избанзар атҟәара аҟынтә ихынҳәыз ауаа Анцәа дрыԥсахын, изиашаны иаанымхаӡеит.

7 Уи ашьҭахь Иудеиеи Иерусалими алаҳәара ҟарҵеит атҟәара аҟынтә ихынҳәыз зегьы Иерусалим еизарц. 8 Аҭауадцәеи аиҳабацәеи ирыӡбеит хымш рыҩныҵҟа имаауа имазара имхтәуп ҳәа, иара ихаҭа израильаа* дрылцатәуп ҳәа. 9 Хымш рыҩныҵҟа Иудеи Вениамини рабиԥарақәа рҟынтә ахацәа зегьы ажәбатәи амза ҩажәатәи амш аҽны Иерусалим еизеит. Ажәлар зегьы икыдҵәаны илеиуаз ақәа рхьыкәкәа, иззеизаз аус иацәшәаны, насгьы ахьҭа иакны аҟәараҟәара еиҵасуа Анцәа ду иҩны ашҭаҿы итәан.

10 Аԥшьаҩы Е́здра дҩагылан ус реиҳәеит: «Шәара атәым жәларқәа рҟынтә аҳәса аажәган, Анцәа дшәыԥсахит, шәизиашаны шәаанымхаӡеит, уи ала Израиль еиҳагьы ахара адышәҵеит. 11 Убри аҟынтә шәабацәа Рынцәа Иегова иҿаԥхьа шәыгәнаҳақәа аашәырты, иара ииҭаху ҟашәҵа. Шәрылҵ егьырҭ ажәларқәа, атәым жәларқәа рҟынтә иаажәгаз аҳәса наҟ идәықәышәҵа». 12 Еизаз зегьы еицҿакны ҿаарҭит: «Ишуҳәаз еиԥш зегь ҟаҳҵароуп. 13 Аха ауаа рацәоуп, насгьы уажәы ақәоурақәа ираамҭоуп, адәахьы узгылаӡом, иара ари аусгьы мышкы-ҩымш рыла иуӡбо ак акәӡам, избанзар ари агәнаҳа иаҵоу рацәаҩуп. 14 Убри аҟынтә, ҳуҳәоит, ажәлар рыхьӡала ҳаҭауадцәа аанхааит. Атәым жәларқәа рҟынтә аҳәса аазгаз ахацәа зегьы иазалху аамҭазы рықалақь иатәу аиҳабацәеи аӡбаҩцәеи рыманы арахь иаалааит, ари аус иахҟьаны згәы ԥаҳжәаз Анцәа игәыԥжәара ӷәӷәа еиқәтәаанӡа».

15 Аха Асаи́л иԥа Ионафа́ни Ти́ква иԥа Иахзе́иеи урҭ ирықәшаҳаҭӡамызт. Алевитцәа Мешулла́ми Шаббета́ии урҭ ирыдгылеит. 16 Атҟәара аҟынтә ихынҳәыз ракәзар, ражәа нарыгӡеит. Ажәабатәи амза актәи амш аҽны аԥшьаҩы Е́здреи хьыӡҳәала зыӡбахә ҳәаз абиԥарақәа рхадацәеи уи аус рыӡбарц азы хазы еизеит, 17 убас актәи амза актәи амш аҽны атәым жәларқәа рҟынтә аҳәса аазгаз ахацәа зегьы рус рыӡбеит. 18 Еилкаахеит аԥшьаҩцәа рыҷкәынцәа шьоукы атәым жәларқәа рҟынтә аҳәса шрымаз. Иешу́а иԥацәа рҟынтә Иоцада́к иԥеи уи иашьцәеи: Маасе́иа, Елиезе́р, Иари́в, Геда́лиа. 19 (Аха дара ажәа рырҭеит* рыҳәса наҟ ишдәықәырҵо, насгьы ирыду ахара азы рыԥсаса аҟынтә ҭыӷьк-ҭыӷьк кәырбанс ишнарго.)

20 Имме́р иԥацәа рҟынтә: Хана́ни, Зева́диа. 21 Хари́м иԥацәа рҟынтә: Маасе́иа, Ильиа, Шема́иа, Иехии́л, У́ззиа. 22 Пашху́р иԥацәа рҟынтә: Елиоена́и, Маасе́иа, Измаил, Нафанаи́л, Иозава́д, Ела́са. 23 Алевитцәа рҟынтә: Иозава́д, Шиме́и, Кела́иа (даҽакала Кели́та), Пета́хиа, Иуда, Елиезе́р. 24 Ашәаҳәаҩцәа рҟынтә: Ельиаши́в. Агәашәхьчаҩцәа рҟынтә: Шаллу́м, Теле́м, У́ри.

25 Израильаа рҟынтә егьырҭ: Паро́ш, Ра́миа, И́ззиа, Ма́лхиа, Миами́н, Елеаза́р, Ма́лхиа, Бена́иа. 26 Ела́м иԥацәа рҟынтә: Матта́ниа, Заха́риа, Иехии́л, А́вди, Иеремо́т, Ильиа. 27 За́тту иԥацәа рҟынтә: Елиоена́и, Ельиаши́в, Матта́ниа, Иеремо́т, Зава́д, Ази́за. 28 Бева́и иԥацәа рҟынтә: Иехохана́н, Хана́ниа, Забба́и, Атла́и. 29 Ба́ни иԥацәа рҟынтә: Мешулла́м, Маллу́х, Ада́иа, Иашу́в, Шеа́л, Иеремо́т. 30 Паха́т-Моа́в иԥацәа рҟынтә: А́дна, Кела́л, Бена́иа, Маасе́иа, Матта́ниа, Бецале́л, Бинну́и, Мана́ссиа. 31 Хари́м иԥацәа рҟынтә: Елиезе́р, И́шшиа, Ма́лхиа, Шема́иа, Симеон, 32 Вениамин, Маллу́х, Шема́риа. 33 Хашу́м иԥацәа рҟынтә: Маттена́и, Матта́тта, Зава́д, Елифеле́т, Иерема́и, Мана́ссиа, Шиме́и. 34 Ба́ни иԥацәа рҟынтә: Маада́и, Амра́м, Уе́л, 35 Бена́иа, Беде́иа, Келу́ги, 36 Ване́а, Меремо́т, Ельиаши́в, 37 Матта́ниа, Маттена́и, Иааса́и. 38 Бинну́и иԥацәа рҟынтә: Шиме́и, 39 Шеле́миа, Нафа́н, Ада́иа, 40 Махнадва́и, Шаша́и, Шара́и, 41 Азаре́л, Шеле́миа, Шема́риа, 42 Шаллу́м, Ама́риа, Иосиф. 43 Не́во иԥацәа рҟынтә: Иеие́л, Матти́тиа, Зава́д, Зеви́на, Иадда́и, Иои́ль, Бена́иа. 44 Абарҭ зегьы атәым жәларқәа рҟынтә аҳәса ааргеит. Дара рыҳәсеи рхәыҷқәеи наҟ идәықәырҵеит.

Ма «атәымтәылауаа реиԥш инхо».

Иҟалап уи Езд 2:2; 3:8 рҿы зыӡбахә ҳәоу Зорова́вель иакәзар.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «израильтәи ахацәа».

Ма «ицқьаӡам ҳәа иԥхьаӡан, убри аҟынтә ԥшьаҩцәас амаҵ рзуӡомызт».

Ма «тирша́фа». Апровинциа анапхгаҩы имаз персиатәи атитул.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аизара зегь аҿы». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Аизара; ауаажәларратә еилазаара».

512,4 кг. Абжьааԥны адра́хма 8,4 г иҟаз персиатәи ахьтәы да́рик иаҟаран. Уи Абырзен Ҩырақәа рҿы зыӡбахә ҳәоу адра́хма акәӡам. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

2,9 т раҟара. Ауриатә Ҩырақәа рҿы зыӡбахә ҳәоу амина 570 г иҟоуп.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Израиль иԥацәа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ҳишьҭоуп».

Мамзаргьы иҟалап «уи арамеи бызшәала иҩын, нас еиҭаган».

Езд 4:8—6:18 аханатә арамеи бызшәала иҩын.

Евфрат анхыҵ иҟаз адгьылқәа.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҳцәа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҳҭынра аџьыкахыш ҳфоит».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «уабацәа рабацәа».

Мамзаргьы иҟалап «еиҭаганы исзаԥхьеит».

Ма «иархив».

26,7 м. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Мамзаргьы иҟалап «агәамсам ахьеиқәрыжьуа аҭыԥ; еизыҳәҳәо ауац».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «дрыԥшааларц».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рнапқәа ирӷәӷәарц азы».

Иаанагоит «ацхыраара».

Ма «хҩылааҩ бзиан».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Инцәа Иегова инапы ицын».

Езд 7:12—26 аханатә арамеи бызшәала иҩын.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «унапы иаку».

3,4 т раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

22 000 л.

2 200 л.

Ма «сыӷәӷәахан».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Анцәа инапы раз ҳацын».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Ҳанцәа инапы раз иақәгәыӷуа».

22,2 т раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

68,4 кг.

3,4 т раҟара.

Персиатәи ахьтәы монета. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ма «акрыфарҭақәа рҿы».

Титулуп, иаанагоит «аҳра ахьчаҩ». Ара Персиатәи аимпериа иатәыз апровинциақәа рнапхгаҩцәа рахь иаҵанакуеит.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шәаӡыӡарала иазыҟаз».

Ма «икрыфарҭахь».

Ма «атҟәара аҟынтә ихынҳәыз реизара».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рнапы рырҭеит».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра