НЕЕМИА
1 Гаха́лиа иԥа Нееми́а* иажәақәа. Ҩажәатәи ашықәс кисле́в* амзазы сара сузатәи* абааш* аҿы сыҟан. 2 Убри аамҭазы Иудеиантәи сашьцәа руаӡәк Хана́ни егьырҭ ахацәа ицны дааит. Сара урҭ атҟәара аҟынтә ихынҳәыз аиудеиааи Иерусалими шԥаҟоу ҳәа сразҵааит. 3 Дара ирҳәеит: «Атҟәара аҟынтә ихынҳәыз апровинциаҿы* инхо аиудеиаа рҭагылазаашьа даараӡа ицәгьоуп, рааигәа инхо ажәларқәагьы рхыччоит. Иерусалим аҭӡамцқәа еилабганы ишьҭоуп, агәашәқәагьы блуп».
4 Ари ансаҳа, снатәаны аҵәыуара салагеит. Акырымш сгәырҩон, сычгон, ажәҩан Анцәа сиҳәон. 5 Сара исҳәеит: «Иегова, ажәҩан Анцәа, аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара узцәырызго, зеиқәшаҳаҭра еилазымго Анцәа ду, уара бзиа узбо, уԥҟарақәа назыгӡо рахь гәыбылрала иҭәу абзиабара ааурԥшуеит! 6 Суҳәоит, умаҵзуҩы уизхьаԥш, иахьа уара уахь исырхо сыҳәара урҳа. Уахи-ҽни сара умаҵзуҩцәа, израильаа, рзы суҳәоит, израильтәи ажәлар уҿаԥхьа иҟарҵаз рыгәнаҳақәа аасыртуеит. Ҳара агәнаҳа ҟаҳҵеит — саргьы, саб иҩнаҭагьы. 7 Ааи, ҳара уҿаԥхьа ииашамкәа ҳхы мҩаԥаҳгон, умаҵзуҩы Моисеи иуҭаз аԥҟарақәеи, азакәанқәеи, ақәҵарақәеи анеилаҳгоз.
8 Суҳәоит, умаҵзуҩы Моисеи иоуҳәаз* угәаларшәа: „Шәсызиашаны шәаанымхар, шәыԥсаҟьаны ажәларқәа шәрыласҵоит. 9 Аха сара сахь шәхынҳәыр, сыԥҟарақәагьы нашәыгӡалар, адгьыл аҵыхәанӡа шәыԥсаҟьаны шәҟаларгьы, сара уантәигьы шәеизганы сыхьӡ азы иалысхыз аҭыԥ ахь шәназгоит“. 10 Дара уара умч ӷәӷәалеи унапы ӷәӷәалеи еиқәурхаз умаҵзуҩцәеи ужәлари роуп. 11 Иегова, умаҵзуҩы иҳәара урҳа, иурҳа гәык-ԥсыкала ухьӡ ҳаҭыр ақәызҵо* умаҵзуҩцәа рыҳәара. Суҳәоит, иахьа умаҵзуҩы уицхраа, ари ауаҩ дысзыразхартә иҟаҵа».
Усҟан сара аҳ иҩынаҳаҩыс сыҟан.
2 Нисан* мзазы, аҳ Артаксеркс аҳра аниуаз ҩажәатәи ашықәс азы, аҩы изнаргеит. Саргьы абжьааԥнеиԥш уи аашьҭыхны аҳ исыркит. Уаанӡа иара ахаангьы сылахь еиқәны симбацызт. 2 Аҳ ус дсазҵааит: «Улахь зеиқәуи? Учмазаҩӡамеи. Акы угәы иҵхозар ҟалап». Уи ансаҳа, даараӡа сшәеит.
3 Сара аҳ ус иасҳәеит: «Нагӡара уқәзааит, саҳ! Сылахь злеиқәымлои, сабацәа ахьжу сықалақь еилабганы ианышьҭоу, агәашәқәагьы анблу?» 4 Аҳ дсазҵааит: «Иуҭахуи, нас?» Сара иаразнак ажәҩан Анцәа сиҳәеит. 5 Нас аҳ ус иасҳәеит: «Угәы иаҭаххозар, саҳ, умаҵуҩы уизыраззар, Иудеиаҟа сышьҭы, сабацәа ахьжу ақалақь еиҭашьақәсыргыларц азы». 6 Усҟан аҳ дсазҵааит (аҳкәажәгьы ивараҿы дтәан): «Шаҟа аамҭа уқәхои, уанбахынҳәуеи?» Аҳ соушьҭра дазхиан, саргьы шаҟа аамҭа сынхо иасҳәеит.
7 Уи адагьы, аҳ ус иасҳәеит: «Аҳ иуазар, Аӡиас Анхыҵ* инхо анапхгаҩцәа рахь ирхоу асаламшәҟәқәа сыцырҵааит, машәырк сақәымшәакәа Иудеианӡа снеирц азы, 8 иара убас Аҳҭынра абаҳча* ахылаԥшҩы Аса́ф иахь ирхоу асаламшәҟәгьы сыцырҵааит, аныҳәарҭа ааигәара иҟоу абааш агәашәқәеи ақалақь аҭӡамцқәеи рзи сахьынхало аҩны ази ақыдқәа сиҭарц азы». Аҳгьы урҭ асаламшәҟәқәа сыциҵеит, избанзар Сынцәа дсыцын*.
9 Сара Аӡиас Анхыҵ анапхгаҩцәа рахь снеин, аҳ исаламшәҟәқәа рысҭеит. Аҳ иара убас аруаа реиҳабацәеи аҽыуааи сыцҵаны сишьҭит. 10 Бет-Хоро́н иатәыз Санвалла́ти аммо́наа иреиуаз ачынуаҩ* То́виеи израильтәи ажәлар аӡә дрыцхраарц дааит ҳәа анраҳа иргәамԥхаӡеит.
11 Аҵыхәтәаны Иерусалимынӡа снеит. Хымш уа сыҟан. 12 Аҵх агәҭаны сгылан, ԥыҭҩык аашьҭыхны сдәықәлеит. Сара аӡәгьы иасымҳәаӡеит Иерусалим азы иҟаҵатәуп ҳәа Анцәа сгәы зызҭеиҵаз атәы. Иҳамаз сара сзықәтәаз ҽада заҵәык акәын. 13 Ауха Арха агәашә ала сцеит. Амаҭ ду ҳәа изышьҭаз аӡыхь саҩсны, Ахәатә* гәашә ахь снеин, еилабганы ишьҭаз Иерусалим аҭӡамцқәеи ибылны иҟаз агәашәқәеи гәасҭеит. 14 Нас Аӡыхь агәашәи Аҳ иӡҭарчи рахь сҿынасхеит, аха аҽада уа измиасӡеит. 15 Усҟан арха ала сҿынасхан, иҵегь аҭӡамцқәа снарылаԥшит, нас Арха агәашә ала схынҳәит.
16 Ақалақь ахадацәа сахьыҟаз, иҟасҵоз ҳәа акгьы рыздырӡомызт, избанзар сара даргьы акгьы расымҳәаӡеит, аиудеиаагьы акгьы расымҳәаӡеит, аԥшьаҩцәагьы акгьы расымҳәаӡеит, ауаа дуқәагьы акгьы расымҳәаӡеит, аусуцәагьы акгьы расымҳәаӡеит. 17 Сара урҭ ус расҳәеит: «Ижәбоит ҳҭагылазаашьа шаҟа ицәгьоу: Иерусалим еилабганы ишьҭоуп, агәашәқәагьы блуп. Шәааи Иерусалим аҭӡамцқәа еиҭашьақәҳаргылап, ахьымӡӷгьы ҳхаҳхып». 18 Нас ирзеиҭасҳәеит Анцәа дышсыцхрааз, аҳгьы исеиҳәаз. Усҟан дара ирҳәеит: «Шәааи аргылара ҳалагап!» Убас дара уи аус бзиа рнапы адыркырц азы ргәы шьҭибахит*.
19 Бет-Хоро́н иатәыз Санвалла́ти, аммо́наа иреиуаз ачынуаҩ То́виеи, Аравиа иатәыз Геше́ми уи анраҳа, иаҳхыччо иалагеит, рқьышә ҳақәҵаны абас рҳәон: «Изакәуи иҟашәҵо? Аҳ шәиҿагылома?» 20 Аха сара исҳәеит: «Ажәҩан Анцәа дҳацхраауеит. Ҳара, иара имаҵзуҩцәа, аргылара ҳалагоит. Шәара шәакәзар, Иерусалим ишәымоу ҳәа акгьы ыҟаӡам, ара ахәҭаагьы шәымаӡам, азинқәагьы шәымаӡам, Иерусалим аҭоурыхгьы шәахәҭакӡам».
3 Аԥшьаҩ хада Ельиаши́ви иашьцәа аԥшьаҩцәеи Ауасақәа ргәашә аргылара иалагеит. Дара уи рыԥшьеит*, нас ашәқәа ҭадыргылеит. Дара аҭӡамц хәҭак рыԥшьеит, абааш Ме́а аҟынӡа, насгьы абааш Ханане́л аҟынӡа. 2 Урҭ рааигәара аргылара иаҿын Иерихон инхоз, урҭ рышьҭахь аргылара даҿын И́мри иԥа Закку́р.
3 Аԥсыӡ гәашә дыргылон Сена́иа иԥацәа. Дара уи амҿтәы рама ҭадыргылан, алыкәқәеи азарзақәеи аҭаны ашәқәа ҿарҵеит. 4 Урҭ рааигәара аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылон Хакко́ц иԥа У́риа иԥа Меремо́т, уи ишьҭахь — Мешезаве́л иԥа Бере́хиа иԥа Мешулла́м, уи иааигәара — Баа́на иԥа Цадо́к. 5 Уи иааигәара аҭӡамцқәа еиҭашьақәдыргылон теко́аа, аха урҭ руаа дуқәа ахылаԥшыҩцәа рнапаҵаҟа аусура рҭахымхаӡеит*.
6 Ажәытә қалақь агәашә еиҭашьақәдыргылон Пасеа́х иԥа Иоиа́ди Бесо́диа иԥа Мешулла́ми. Дара уи амҿтәы рама ҭадыргылан, алыкәқәеи азарзақәеи аҭаны ашәқәа ҿарҵеит. 7 Урҭ рааигәара аҭӡамцқәа еиҭашьақәдыргылон Гавао́н иатәыз Мела́тиеи Меронóт иатәыз Иадо́ни — Аӡиас Анхыҵ анапхгаҩы инапаҵаҟа иҟаз Гавао́ни Ми́цпеи рҟынтә ауаа. 8 Урҭ рааигәара аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылон ахьлыхҟаҵаҩ Харха́иа иԥа Уззии́л, уи ишьҭахь — амазьқәа рыҟаҵаҩ Хана́ниа. Дара Иерусалим амҩа Аҭӡамц ҭбаа аҟынӡа хаҳәла ирчаԥеит. 9 Урҭ рааигәара аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылон Хур иԥа Рефа́иа, Иерусалимтәи аҳабла абжа ҭауадс иамаз. 10 Уи иааигәара Харума́ф иԥа Иеда́иа иҩны аҿаԥхьа аҭӡамцқәа шьақәиргылон, уи иааигәара аҭӡамцқәа шьақәиргылон Хаша́внеиа иԥа Хатту́ш.
11 Аҭӡамц анаҩстәи ахәҭеи Ачаӡырҭақәа рбааши Хари́м иԥа Ма́лхиеи Паха́т-Моа́в иԥа Хашшу́ви еиҭашьақәдыргылон. 12 Урҭ рааигәара аҭӡамцқәа еиҭашьақәдыргылон Халлохе́ш иԥа, Иерусалимтәи аҳабла абжа ҭауадс иамаз Шаллу́м иԥҳацәеи иареи.
13 Арха агәашә еиҭашьақәдыргылон Хану́ни Заноа́х инхози. Дара уи агәашә дыргылан, алыкәқәеи азарзақәеи аҭаны ашәқәа ҿарҵеит. Дара иара убас Ахәатә* гәашәынӡа 1 000 мышьхәылҵ* инеиуаз аҭӡамц еиҭашьақәдыргылон. 14 Ахәатә гәашә еиҭашьақәиргылон Реха́в иԥа Ма́лхиа, аҳабла Бет-Хаккере́м аҭауад. Иара агәашә иргылан, алыкәқәеи азарзақәеи аҭаны ашәқәа ҿеиҵеит.
15 Аӡыхь агәашә еиҭашьақәиргылон Кол-Хозе́ иԥа Шаллу́м, аҳабла Ми́цпа аҭауад. Иара агәашә еиҭашьақәиргылан, ахыб аиҭеит, алыкәқәеи азарзақәеи аҭаны ашәқәагьы ҿеиҵеит. Иара аҳ ибаҳча азааигәара иҟаз аӡҭарчы Шела́х* иадыз аҭӡамцгьы еиҭашьақәиргылон, Давид иқалақь аҟынтә илбаауаз амардуан аҟынӡа.
16 Уи ишьҭахь аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылон Азбу́к иԥа, аҳабла Бет-Цур абжа ҭауадс иамаз Нееми́а. Иара еиҭашьақәиргылоз аҭӡамц Давид иаҳратә нышәынҭрақәа рҿаԥхьа иҟаз аҭыԥ инаркны напыла иҟаҵаз аӡҭарчи Аруаа рыҩни рҟынӡа инеиуан.
17 Уи ишьҭахь аҭӡамцқәа еиҭашьақәдыргылон алевитцәа: Ба́ни иԥа Реху́м, уи иааигәара иҳабла аҟынтә аҭӡамцқәа шьақәиргылон аҳабла Кеи́ла абжа ҭауадс иамаз Хаша́виа. 18 Урҭ рышьҭахь рашьцәа аҭӡамцқәа еиҭашьақәдыргылон. Дара аҳабла Кеи́ла егьи азбжа ҭауадс иамаз Хенада́д иԥа Бавва́и еиҳабыс дрыман.
19 Ахырӷәӷәарҭаҿы иҟаз, Абџьар аҩнахьы ухазгалоз амарда аҿаԥхьа аҭӡамц анаҩстәи ахәҭа еиҭашьақәиргылон Иешу́а иԥа Езе́р, Ми́цпа аҭауад.
20 Уи ишьҭахь Забба́и иԥа Бару́х дҳаҵҳаҵо аус иуан. Иара аҭӡамц анаҩстәи ахәҭа еиҭашьақәиргылон, Ахырӷәӷәарҭа аҟынтә аԥшьаҩ хада Ельиаши́в иҩны аҩналарҭа аҟынӡа.
21 Уи ишьҭахь аҭӡамц анаҩстәи ахәҭа, Ельиаши́в иҩны аҩналарҭа аҟынтәи иҩны аҵыхәанӡа, еиҭашьақәиргылон Хакко́ц иԥа У́риа иԥа Меремо́т.
22 Уи ишьҭахь аҭӡамцқәа еиҭашьақәдыргылон Иордантәи акаршәраҿы* инхоз аԥшьаҩцәа. 23 Урҭ рышьҭахь рыҩны аҿаԥхьа аҭӡамцқәа еиҭашьақәдыргылон Вениамини Хашшу́ви. Урҭ рышьҭахь иҩны азааигәара аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылон Ана́ниа иԥа Маасе́иа иԥа Аза́риа. 24 Уи ишьҭахь аҭӡамц анаҩстәи ахәҭа, Аза́риа иҩны аҟынтә Ахырӷәӷәарҭанӡа, анаҩс акәакь аҟынӡа, Хенада́д иԥа Бинну́и еиҭашьақәиргылон.
25 Уи ишьҭахь аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылон Уза́и иԥа Пала́л. Иара аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылон Ахырӷәӷәарҭа аҿаԥхьеи аҳҭынра иаҿаԥшьны иадгылаз абааш аҿаԥхьеи. Уи абааш аҷаԥшьаҩцәа рашҭаҿы иҟаз хыхьтәи абааш акәын. Уи ишьҭахь аус иуан Паро́ш иԥа Педа́иа.
26 Офе́л инхоз аныҳәарҭа амаҵуцәа* аҭӡамцқәа еиҭашьақәдыргылон мрагылара Аӡы агәашә аҟынӡа, насгьы иахыҳәҳәоз абааш аҟынӡа.
27 Урҭ рышьҭахь аҭӡамц анаҩстәи ахәҭа теко́аа еиҭашьақәдыргылон, иахыҳәҳәоз абааш аҟынтәи Офе́л аҭӡамц аҟынӡа.
28 Аҽқәа ргәашә аҟынтә аҭӡамцқәа еиҭашьақәдыргылон аԥшьаҩцәа, дасу иҩны аҿаԥхьа.
29 Урҭ рышьҭахь иҩны аҿаԥхьа аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылон Имме́р иԥа Цадо́к.
Уи ишьҭахь аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылон Шеха́ниа иԥа Шема́иа, Мрагыларатәи агәашә ахьчаҩ.
30 Уи ишьҭахь аҭӡамц анаҩстәи ахәҭа еиҭашьақәдыргылон Шеле́миа иԥа Хана́ниеи Цала́ф афбатәи иԥа Хану́ни.
Урҭ рышьҭахь иҩны* аҿаԥхьа аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылон Бере́хиа иԥа Мешулла́м.
31 Уи ишьҭахь Агәаҭаратә гәашә аҿы иҟоу аныҳәарҭа амаҵуцәеи аҭиҩцәеи рыҩны аҟынӡа, насгьы акәакь аҿы иҟоу хыхьтәи ауаданӡа аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылон ахьлыхҟаҵаҩ Ма́лхиа.
32 Акәакь аҿы иҟоу хыхьтәи ауадеи Ауасақәа ргәашәи рыбжьара аҭӡамцқәа еиҭашьақәдыргылон ахьлыхҟаҵаҩцәеи аҭиҩцәеи.
4 Санвалла́т аҭӡамцқәа шеиҭашьақәҳаргыло аниаҳа, даараӡа игәамԥхаӡеит. Иара иԥсахы еибакит, аиудеиаа ргәы каижьырц азы дырхыччо далагеит. 2 Иара иашьцәеи самариатәи аибашьцәеи ус реиҳәеит: «Изҿу закәуи арҭ аиудеиаа рыцҳақәа? Абри зегь рхала иҟарҵарц рҭахума? Акәырбанқәа наргаларц ргәы иҭоума? Аргылара ҽнакала иалгома? Абри ибылны еилажьу ахаҳәқәа еиҭашьақәдыргыларцу?»
3 Иааигәара игылаз аммо́наа иреиуаз То́виа ус иҳәеит: «Бгахәыҷык рыҭӡамц инагәыдԥалар, иаразнак еилаҳауеит!»
4 Ҳанцәа, уԥшы ҳшыладырҟәуа. Ҳара иаҳхырҳәаауа дара ирықәшәааит, раӷацәа риааиртә иҟаҵа, атәым дгьыл аҿы тҟәацәас иҟалартә иҟаҵа. 5 Ирыду ахара раноумыжьын, рыгәнаҳа рхумхын, избанзар дара аргылаҩцәа ладырҟәуеит.
6 Ҳара аҭӡамц аргылара ҳшаҿыц ҳаҿын, иԥҽны иҟаз аҭыԥқәа зегьы еиҭашьақәҳаргылеит, абжара аҟынӡа ишьҭаҳхит. Ажәлар гәыкала аус руан.
7 Санвалла́ти, То́виеи, Аравиа иатәыз ауааи, аммо́нааи, Ашдо́д инхоз ауааи ианраҳа Иерусалим аҭӡамцқәа рышьҭыхра ҳшаҿыц ҳшаҿу, иԥҽны иҟоу аҭыԥқәагьы шеиҭашьақәҳаргыло, ргәы ԥжәан, 8 Иерусалим иақәларц, ҳаргьы иҟаҳҵо ҳзымдыруа ҳақәдырхарц рыӡбеит. 9 Аха ҳара Ҳанцәа ҳиҳәон, уахи-ҽни ахьчаҩцәа ргыланы иҳаман.
10 Аха аиудеиаа абас аҳәара иалагеит: «Аусуцәа ааԥсеит, еилабганы икажьу макьана ирацәоуп. Ҳара ари аҭӡамц ахаангьы иаҳзыргылаӡом».
11 Ҳаӷацәа ус рҳәон: «Дара наҳәны иаахьаԥшаанӡа рыгәҭа ҳашгылоу жәбап. Урҭ ԥыххааса ишьҭаҳҵоит, русгьы аанаҳкылоит».
12 Ҳаӷацәа рааигәара инхоз аиудеиаа ақалақь ахь ианаауаз, уажәы-уажә* абас ҳарҳәон: «Аӷацәа ааны, анахьынтәигьы арахьынтәигьы ишәықәлоит».
13 Усҟан сара аҭӡамц аҿы еиҳа илаҟәыз, иаартыз аҭыԥқәа рҿы ахьчаҩцәа сыргыло салагеит. Ауаа рҭаацәеи дареи аҳәақәеи, аԥсақәеи, ахәымпалқәеи дыркны исыргылеит. 14 Ишшәоз ангәасҭа, ауаа дуқәеи, анапхгаҩцәеи, ажәлари ус расҳәеит: «Шәымшәан, аҳаҭырқәҵара зныԥшуа ашәара узцәырызго Анцәа ду Иегова дышәгәалашәыршәала, шәеибашьла шәашьцәеи, шәыҷкәынцәеи, шәыԥҳацәеи, шәыҳәсеи, шәыҩнқәеи рзы».
15 Ҳаӷацәа еилыркааит ргәы иҭаз зегь шаҳдырыз, насгьы Анцәа ду рыгәҭакқәа шхирбгалаз. Уи ашьҭахь ҳара ҳхынҳәын, еиҭа аҭӡамц аиҭашьақәыргылара ҳалагеит. 16 Убри аҽны инаркны исыцыз ахацәа абжаҩык аус руан, абжаҩык — абџьармаҭәа рышәҵаны, асақәеи, аԥыракқәеи, ахәымпалқәеи ркын. Аҭауадцәагьы аиудеиаа ирыцхраауан*, 17 аҭӡамцқәа зыргылоз аиудеиаа. Аидара иаҵаз рызнапык ала аидара ркын, егьи рнапала абџьар ркын. 18 Аргылаҩцәа зегьы аус аныруаз аҳәа рыҟәнын, саргьы ауаҩы дсыцын, ашәарҭара анибалак абыкь* дасырц азы.
19 Сара ауаа дуқәеи, анапхгаҩцәеи, ажәлари абас расҳәеит: «Аусутә рацәоуп, аҭӡамц аҿы аӡәи-аӡәи ҳаицәыхароуп. 20 Убри аҟынтә абыкь* абжьы аншәаҳалак, ҳааигәара шәеиза. Ҳанцәа ҳара ҳзы деибашьлоит».
21 Абжаҩык аус ҳуан, егьырҭ — иаашар хәлаанӡа, аеҵәақәа цәырҵаанӡа, асақәа кны иҷаԥшьон. 22 Сара ажәлар ус расҳәеит: «Ахацәа рмаҵуцәеи дареи уахынла Иерусалим иаангылалааит. Уахынла ҳрыхьчалоит, ҽынла аус рулоит». 23 Сара соума, сашьцәа роума, смаҵуцәа роума, сыхьчаҩцәа роума, аӡәгьы ҳамаҭәа ҳшәаҳхӡомызт, зегьы ҳарӷьа напаҿы абџьар ҳкын.
5 Ажәлар — ахацәеи урҭ рыҳәсеи — рашьцәа-аиудеиаа рахь ргәы намӡо иалагеит. 2 Дара ирҳәон: «Ҳара аԥацәеи аԥҳацәеи рацәаны иҳамоуп. Иаҳфаша ачарыц* ҳҭахуп, ҳамԥсыкәа ҳаанхарц азы». 3 Егьырҭ ирҳәон: «Ҳара ҳамхқәеи, ҳӡахәаҭрақәеи, ҳаҩнқәеи шасыс* ираҳҭоит, ачарыц ааҳхәарц азы, амла ҳаганы ҳамԥсырц азы». 4 Даҽа шьоукы ирҳәон: «Ҳара аԥара ҳаԥсахуеит, ҳамхқәеи, ҳӡахәаҭрақәеи шасыс ираҳҭоит, аҳ ихәҭоу ашәахтә ҳшәарц азы. 5 Ҳашьцәеи ҳареи шьак ауп ҳазлыҵыз, шьала-дала ҳаибатәуп, ҳхәыҷқәагьы урҭ рхәыҷқәа рҩызцәа роуп, аха ҳаҷкәынцәеи ҳаӡӷабцәеи маҵуцәас ираҳҭароуп, ҳаԥҳацәа шьоукы маҵуцәас иргахьеит. Аха ҳара акгьы ҳзыҟаҵаӡом, избанзар ҳамхқәеи ҳӡахәаҭрақәеи даҽа шьоукы иртәуп».
6 Ргәалақәа ансаҳа, сгәы ԥжәеит. 7 Зегьы ибзианы сазхәыцын, ауаа дуқәеи анапхгаҩцәеи срацәҳан, ус расҳәеит: «Шәара апроцентқәа змышәхуа шәашьцәа роуп».
Нас уи азҵаара инадҳәаланы аизара ду еизызган, 8 ус расҳәеит: «Ҳара иҳалшоз зегь ҟаҳҵон егьырҭ ажәларқәа ираадырхәаз ҳашьцәа-аиудеиаа ҿаҳхырц азы. Уажәшьҭа шәара шәаалаганы шәашьцәа шәҭиуеит, ҳара иҿаҳхырц азы». Дара ҿымҭӡакәа игылан, избанзар ирҳәаша рымамызт. 9 Нас иацысҵеит: «Иҟашәҵо иашаӡам. Шәара Ҳанцәа шәицәшәалар акәӡами, егьырҭ ажәларқәа, ҳаӷацәа, ҳахьӡ дмырцәгьарц азы? 10 Ҳаргьы — сашьцәеи, сареи, ҳмаҵуцәеи — ауаа уалла аԥареи ачарыци раҳҭоит. Аха шәааи апроцентқәа ҳамгалап. 11 Сшәыҳәоит, иахьаҵәҟьа ирызшәырхынҳә рымхқәеи, рӡахәаҭрақәеи, рмаслина баҳчақәеи, рыҩнқәеи, иара убас ирызшәырхынҳә аԥареи, ачарыци, аҩи, ахәшеи рҟынтә ижәгоз апроцентқәа*».
12 Дара ирҳәеит: «Ҳара зегь ҳархынҳәуеит, уаҳа ак ҳашәҭ ҳәа раҳҳәаӡом. Ишуҳәаз еиԥш зегь ҟаҳҵоит». Нас аԥшьаҩцәа аасыԥхьан, урҭ ауаа ражәа шынарыгӡо ала исырқәит. 13 Нас сыкәа ак ҭсыршәшәошәа ҟасҵан, ус сҳәеит: «Анцәа ду абасҵәҟьа зажәа назмыгӡо иҩны диҩниршәшәааит, имазарагьы имихааит. Иаргьы убасҵәҟьа деиҵадыршәшәааит, дҭадырцәааит». Усҟан еизаз зегьы* «Аминь»* рҳәан, Иегова аҽхәаԥхьыӡ ирҭеит. Ажәларгьы ирҳәаз ражәа нарыгӡеит.
14 Уи адагьы, аҳ Иудеиа напхгаҩыс саныҟаиҵа инаркны, Артаксе́ркс аҳра аниуаз ҩажәатәи ашықәс инаркны ҩажәеижәаҩатәи ашықәс аҟынӡа, жәаҩа шықәса рыҩныҵҟа, сашьцәеи сареи анапхгаҩы иқәнагаз афатә ҳгаӡомызт. 15 Сара саԥхьа иҟаз анапхгаҩцәа ажәлар дыргәаҟуан, есыҽны ачеи аҩи рзы 40 ше́кель* араӡны рымырхуан. Урҭ рмаҵуцәагьы ажәлар дыргәаҟуан. Сара сакәзар, ус ҟасҵаӡомызт, избанзар Анцәа сицәшәон.
16 Уи инеиҳангьы, сара схаҭагьы аҭӡамц аҿы аус зуан, смаҵуцәа зегьы аус руан, мхыкгьы ҳамгаӡеит. 17 Сыстол иахатәаны акрысыцырфон 150-ҩык аиудеиааи, анапхгаҩцәеи, иара убас егьырҭ ажәларқәа рҟынтә иаауази. 18 Есыҽны сара сзы идырхион* цәык, иԥсылаз ауасақәа фба, насгьы еиуеиԥшым аԥсаатәқәа, есжәамш меигӡарахда аҩы ықәдыргылон. Аха анапхгаҩы иқәнагаз афатә саҳәаӡомызт, избанзар ажәлар уеизгьы ирцәыуадаҩын. 19 Сынцәа, сугәаларшәа, ари ажәлар ирзыҟасҵаз зегь азы усзылԥха.
6 Санвалла́ти, То́виеи, Аравиа иатәыз Геше́ми, егьырҭ ҳаӷацәеи ианрарҳәа аҭӡамц шсыргылаз, иԥҽыз аҭыԥқәагьы шаанымхаз (усҟан агәашә ашәқәа шҭасмыргылацызгьы), 2 Санвалла́ти Геше́ми абас сзаарыцҳаит: «Уааи аамҭа алхны арха О́но иатәу қыҭак аҿы ҳаиқәшәап». Дара цәгьарак сзырур рҭахын. 3 Убри аҟынтә дара рахь ауаа сышьҭит, абас рарҳәарц: «Сара аус ду саҿуп, шәара шәахь сызнеиӡом. Шәара шәахь сцаны сахьынӡаҟам аус аангылараны изыҟои?» 4 Убас ԥшьынтә исзаарыцҳауан, аха сара исҳәац сҳәон.
5 Усҟан Санвалла́т ахәынтә раан имаҵуҩы дысзааишьҭит, иаартыз асаламшәҟәгьы иҭаны. 6 Уа ус анын: «Ажәлар уҳәан-схәан рылоуп, Геше́мгьы иҳәоит аиудеиааи уареи аҳ шәиҿагыларц шәгәы иҭоуп ҳәа. Убри азоуп ари аҭӡамцгьы зшәыргыло, уара урҭ раҳ уакәхарц уҭахуп ҳәагьы рҳәоит. 7 Уара урҭ аԥааимбарцәа алухит Иерусалим зегь аҿы абас рҳәаларц: „Иудеиа аҳ дыҟоуп!“ Уажәшьҭа уи аҳ иҟынӡа инеиуеит. Убри аҟынтә уааи арахь, уи азҵаара ҳалацәажәап».
8 Аха сара абас изынасыцҳаит: «Иуҳәо аҩыза ыҟаӡамызт. Уи зегь ухы иҭуҳәааит». 9 Дара зегьы ҳдыршәарц рҭахын, ҳгәы каҳаны, аус аангылоит ҳәа игәыӷуан. Суҳәоит, Сынцәа, сырӷәӷәа*!
10 Нас сара аҩны идәылымҵуаз Мегетаве́л иԥа Дела́иа иԥа Шема́иа иахь сцеит. Иара ус сеиҳәеит: «Уааи Анцәа ду иҩнаҿы, аныҳәарҭаҿы, ҳаиқәшәап, ҳаҩналаны ашә аҳаркып, избанзар ушьра иаауеит. Дара уахынла уршьырц азы иаауеит». 11 Сара исҳәеит: «Сара сеиԥш иҟоу ауаҩы дыбналар ҟалома? Сара сҩыза ауаҩы аныҳәарҭа дыҩналар, иԥсы ҭаны дзаанхома? Сцаӡом!» 12 Сара еилыскааит уи аԥааимбар Анцәа дшааимышьҭыз. Уи То́виеи Санвалла́ти аԥара изыршәеит сижьарц азы. 13 Дара уи аԥара изыршәеит, сыршәаны, агәнаҳа сдырҟаҵарц азы. Убас ала сыхьӡ дырцәгьон, исаҽԥнырҳәозгьы роуан.
14 Сынцәа, иугәаларшәа То́виеи Санвалла́ти иҟарҵаз, аԥааимбарԥҳәыс Ноа́диеи егьырҭ аԥааимбарцәеи сдыршәарц ишашьҭазгьы угәаларшәа.
15 Аҭӡамц аргылара хыркәшан елу́л* 25 рзы. Уи 52 мшы рыла еиҭашьақәдыргылеит.
16 Ҳаӷацәа уи анраҳа, иааҳакәыршаны инхоз ажәларқәагьы уи анырба, ахьымӡӷ ргеит, иԥхашьеит, дара еилыркааит уи аус Анцәа ицхыраарала ишыҟаҵаз. 17 Урҭ амшқәа рзы иудеиатәи ауаа дуқәа То́виа иахь асаламшәҟәқәа рацәаны ирышьҭуан, иаргьы урҭ рҭак ҟаиҵон. 18 Имаҷҩымкәа аиудеиаа иқәны ажәа ирҭеит иара ишидгыло, избанзар иара Ара́х иԥа Шеха́ниа имаҳә иакәын, иԥа Иехохана́н Бере́хиа иԥа Мешулла́м иԥҳа ԥҳәысс диман. 19 Дара ааҟәымҵӡакәа То́виа дсыддырҽхәалон, нас ицаны исҳәоз иарҳәон. То́виа ихаҭа асаламшәҟәқәа сзааишьҭуан сиршәарц азы.
7 Аҭӡамц анеиҭашьақәҳаргыла, иаразнак ашәқәа ҭасыргылеит. Нас иалхын агәашәхьчаҩцәеи, ашәаҳәаҩцәеи, алевитцәеи. 2 Иерусалим сашьа Хана́ни дахасыргылеит, иара убас дахасыргылеит абааш аиҳабы Хана́ниа, избанзар иара узықәгәыӷыртә иҟаз уаҩын, ԥыҭҩык раасҭагьы Анцәа ду дицәшәон. 3 Сара урҭ ус расҳәеит: «Иерусалим агәашә шьыбжьонынӡа* аартра ҟалаӡом, агәашәхьчаҩцәа игыланы ихьчонаҵы, уахынла агәашәқәа адырклааит. Уи адагьы, Иерусалим инхо рҟынтә ахьчаҩцәа шәыргыл, шьоукы — ахьчарҭа ҭыԥқәа рҿы, егьырҭ — рыҩнқәа рҿаԥхьа». 4 Ақалақь дуун, иҭбааҭыцәын, аха ауаа маҷын, аҩнқәагьы макьана иргылаӡамызт.
5 Сынцәа сгәазҭеиҵеит ауаа дуқәеи, аиҳабацәеи, ажәлари еизганы, шьҭрала ашәҟәы ианысҵарц. Усҟан зегь раԥхьа иааз рсиа сыԥшааит. Уа абас анын:
6 «Абар вавилонтәи аҳ Навуходоно́сор Вавилонҟа итҟәаны иигаз, нас ԥыҭрак ашьҭахь атҟәара аҟынтә ихынҳәны апровинциаҿы инхоз ауаа. Дара Иерусалимҟеи Иудеиаҟеи, дасу рықалақьқәа рахь ихынҳәит. 7 Урҭ Зорова́вельи, Иешу́еи, Нееми́еи, Аза́риеи, Раа́миеи, Нахама́нии, Мардохе́ии, Билша́ни, Миспере́ти, Бигва́ии, Неху́ми, Баа́неи ирыцны иааит.
Абар израильаа* рсиа: 8 Паро́ш иԥацәа — 2 172-ҩык, 9 Шефа́тиа иԥацәа — 372-ҩык, 10 Ара́х иԥацәа — 652-ҩык, 11 Паха́т-Моа́в иԥацәа, Иешу́еи Иоа́ви рԥацәа рҟынтә, — 2 818-ҩык, 12 Ела́м иԥацәа — 1 254-ҩык, 13 За́тту иԥацәа — 845-ҩык, 14 Закка́и иԥацәа — 760-ҩык, 15 Бинну́и иԥацәа — 648-ҩык, 16 Бева́и иԥацәа — 628-ҩык, 17 Азга́д иԥацәа — 2 322-ҩык, 18 Адоника́м иԥацәа — 667-ҩык, 19 Бигва́и иԥацәа — 2 067-ҩык, 20 Ади́н иԥацәа — 655-ҩык, 21 Ате́р иԥацәа, Езеки́а ихылҵшьҭра, — 98-ҩык, 22 Хашу́м иԥацәа — 328-ҩык, 23 Беца́и иԥацәа — 324-ҩык, 24 Хори́ф иԥацәа — 112-ҩык, 25 Гаваон инхоз — 95-ҩык, 26 Вифлеем инхози Нето́фа инхози — 188-ҩык, 27 Анато́т инхоз — 128-ҩык, 28 Бет-Азмаве́т инхоз — 42-ҩык, 29 Кириа́т-Иеари́м инхози, Кефи́ра инхози, Бееро́т инхози — 743-ҩык, 30 Ра́ма инхози Ге́ва инхози — 621-ҩык, 31 Михма́с инхоз — 122-ҩык, 32 Вефи́ль инхози Га́и инхози — 123-ҩык, 33 егьи Не́во инхоз — 52-ҩык, 34 егьи Ела́м иԥацәа — 1 254-ҩык, 35 Хари́м иԥацәа — 320-ҩык, 36 Иерихо́н инхоз — 345-ҩык, 37 Лод инхози, Хади́д инхози, О́но инхози — 721-ҩык, 38 Сена́иа иԥацәа — 3 930-ҩык.
39 Аԥшьаҩцәа: Иеда́иа иԥацәа, Иешу́а ихылҵшьҭра, — 973-ҩык, 40 Имме́р иԥацәа — 1 052-ҩык, 41 Пашху́р иԥацәа — 1 247-ҩык, 42 Хари́м иԥацәа — 1 017-ҩык.
43 Алевитцәа: Годе́ва иԥацәа рҟынтә Иешу́еи Кадмии́ли рԥацәа — 74-ҩык. 44 Ашәаҳәаҩцәа: Аса́ф иԥацәа — 148-ҩык. 45 Агәашәхьчаҩцәа: Шаллу́м иԥацәа, Ате́р иԥацәа, Талмо́н иԥацәа, Акку́в иԥацәа, Хати́та иԥацәа, Шова́и иԥацәа — 138-ҩык.
46 Аныҳәарҭа амаҵуцәа: Ци́ха иԥацәа, Хасу́фа иԥацәа, Таббао́т иԥацәа, 47 Керо́с иԥацәа, Си́а иԥацәа, Фадо́н иԥацәа, 48 Лева́на иԥацәа, Хага́ва иԥацәа, Салма́и иԥацәа, 49 Хана́н иԥацәа, Гидде́л иԥацәа, Гаха́р иԥацәа, 50 Реа́иа иԥацәа, Реци́н иԥацәа, Неко́да иԥацәа, 51 Газза́м иԥацәа, У́зза иԥацәа, Пасеа́х иԥацәа, 52 Беса́и иԥацәа, меуни́маа, Нефишси́м иԥацәа, 53 Бакбу́к иԥацәа, Хаку́фа иԥацәа, Харху́р иԥацәа, 54 Бацли́т иԥацәа, Мехи́да иԥацәа, Ха́рша иԥацәа, 55 Барко́с иԥацәа, Сиса́ра иԥацәа, Тема́х иԥацәа, 56 Нециа́х иԥацәа, Хати́фа иԥацәа.
57 Соломон имаҵуцәа рԥацәа: Сота́и иԥацәа, Софере́т иԥацәа, Фери́да иԥацәа, 58 Иаа́ла иԥацәа, Дарко́н иԥацәа, Гидде́л иԥацәа, 59 Шефа́тиа иԥацәа, Хатти́л иԥацәа, Похере́ф-Гаццеваи́м иԥацәа, Амо́н иԥацәа. 60 Аныҳәарҭа амаҵуцәеи Соломон имаҵуцәа рԥацәеи иааизакны 392-ҩык ыҟан.
61 Абар Тел-Мела́хынтәи, Тел-Ха́ршантәи, Керу́вынтәи, Аддо́нынтәи, Имме́рынтәи иааз, аха рабацәеи рабдуцәеи израильаа шракәыз ззышьақәмырӷәӷәоз: 62 Дела́иа иԥацәа, То́виа иԥацәа, Неко́да иԥацәа — 642-ҩык. 63 Аԥшьаҩцәа рҟынтә: Хова́иа иԥацәа, Хакко́ц иԥацәа, Галаа́д иатәыз Барзилла́и иԥҳа дызгаз Барзилла́и иԥацәа. Иара иабхәа ихьӡ игеит. 64 Дара шьҭрала изтәқәаз шьақәдырӷәӷәарц азы рабиԥарақәа рыхьӡқәа ахьаныз иашьҭан, аха ирзымԥшааӡеит, убри аҟынтә иӡбан ԥшьаҩцәас амаҵ ауразы ианаалаӡом ҳәа*. 65 Анапхгаҩы* урҭ ури́ми тумми́ми зхы иазырхәо аԥшьаҩы дцәырҵаанӡа иԥшьоу афатә рфар ҟалаӡом ҳәа реиҳәеит.
66 Иааизакны* 42 360-ҩык ыҟан, 67 7 337-ҩык амаҵуцәа (аҳәсеи ахацәеи) аламҵаӡакәа; иара убас урҭ ирыцын 245-ҩык ашәаҳәаҩцәа (аҳәсеи ахацәеи). 68 Дара ирыман 736 ҽи, 245 гәыжьи, 69 435 махҽи, 6 720 ҽадеи.
70 Абиԥарақәа рхадацәа шьоукы аус азы хатәгәаԥхарала аҳамҭақәа ҟарҵеит. Анапхгаҩы иҟаиҵеит ахьтәы дра́хмақәа 1 000*, аҵәцақәа 50, аԥшьаҩцәа иршәырҵо иауу ахарԥқәа 530. 71 Абиԥарақәа рхадацәа рҟынтә даҽа шьоукы аус азы иҟарҵеит ахьтәы дра́хмақәа 20 000*, араӡны минақәа 2 200*. 72 Ажәлар иҟарҵеит ахьтәы дра́хмақәа 20 000, араӡны минақәа 2 000*, аԥшьаҩцәа иршәырҵо иауу ахарԥқәа 67.
73 Аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи, агәашәхьчаҩцәеи, ашәаҳәаҩцәеи, аныҳәарҭа амаҵуцәеи, егьырҭ израильааи* дасу рықалақьқәа рҿы анхара иалагеит. Абыжьбатәи амза анааи, израильаа дасу рықалақьқәа рҿы инхахьан».
8 Ажәлар зегьы, аӡәк иеиԥш, Аӡы агәашә аԥхьа ашҭаҿы ианеиза, ахҩылааҩ Е́здра Иегова Моисеи ила израильаа ириҭаз азакәан ашәҟәы ааигарц и́ҳәеит. 2 Абыжьбатәи амза актәи амш аҽны аԥшьаҩы Е́здра азакәан ашәҟәы аашьҭихын, еизаз* зегьы, хацәеи ҳәсеи, ираҳауаз еилызкаауаз зегь рҿаԥхьа даақәгылеит. 3 Аӡы агәашә аԥхьа ашҭаҿы шьыжьымҭан шаанӡа инаркны шьыбжьонынӡа иара дгыланы, хацәеи ҳәсеи, ииҳәоз еилызкаауаз зегьы, ибжьы ҭыганы азакәан дырзаԥхьон, ажәларгьы рлымҳа кыдҵаны иӡырҩуан. 4 Ахҩылааҩ Е́здра ари аус азы иҟаиҵаз амҿтәы қәгыларҭа дықәгылан. Иарӷьарахь игылан Матти́тиа, Ше́ма, Ана́иа, У́риа, Хи́лкиа Маасе́иа, иармарахь — Педа́иа, Мисаи́л Ма́лхиа, Хашу́м, Хашбадда́на, Заха́риа, Мешулла́м.
5 Зегьы ирбон Е́здра ашәҟәы шааиртыз, избанзар иара дҳаракны дгылан. Иара уи анааирт, ажәлар зегь гылеит. 6 Нас Е́здра Иегова дирҽхәеит, хьӡи-ԥшеи змоу Анцәа ду. Зегьы рнапқәа шьҭырхын: «Аминь! Аминь!» — рҳәеит. Нас ишьамхышгылан, Иегова иеихырхәеит. 7 Алевитцәа Иешу́а, Ба́ни, Шере́виа, Иами́н, Акку́в, Шаббета́и, Го́диа, Маасе́иа, Кели́та, Аза́риа, Иозава́д, Хана́н, Пела́иа ажәлар азакәан реилдыркаауан. Ажәлар зегьы ршьапы иқәгылан. 8 Дара Анцәа ду изакәан рыбжьы ҭыганы иаԥхьон, иреилдыркаауан, иаанаго рзеиҭарҳәон. Убас дара ажәлар изыԥхьоз аилкаара ирыцхраауан.
9 Уи аамҭазы напхгаҩыс иҟаз Нееми́еи, ԥшьаҩыс иҟаз ахҩылааҩ Е́здреи, ажәлар азакәан дзырҵоз алевитцәеи еизаз абас рарҳәеит: «Ари амш Шәынцәа Иегова изы иԥшьоуп. Шәымгәырҩан, шәымҵәыуан», избанзар дара азакәан иаҳәоз ажәақәа ианырзыӡырҩуаз иҵәыуон. 10 Нееми́а ус реиҳәеит: «Шәца, зегь иреиӷьу* шәфала, ихаау шәжәла, акгьы змам ирыцеиҩышәшала, избанзар ари амш Иҳақәиҭу изы иԥшьоуп. Шәгәы кашәмыжьын, избанзар Иегова ишәиҭо агәырӷьара шәара шәзы баагәароуп». 11 Алевитцәагьы ажәлар ргәы дырҭынчуан: «Шәымҵәыуан! Избанзар ари амш ԥшьоуп. Шәгәы кашәмыжьын». 12 Убас ажәлар зегьы акрыфара-акрыжәра ицеит, измамызгьы ирфаша рырҭон. Дара даараӡа игәырӷьон, избанзар ирарҳәаз ажәақәа еилыркааит.
13 Адырҩаҽны ажәлар зегьы рабиԥарақәа рхадацәеи, аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи ахҩылааҩ Е́здра идеизалеит, азакәан иаҳәо еиӷьны еилыркаарц азы. 14 Иегова Моисеи ила ириҭаз азакәан аҿы ирбеит аныҳәа аназгәарҭо абыжьбатәи амзазы израильаа ақьалақәа рҿы инхалар шрыхәҭоу, 15 иара убас ақалақьқәа зегь рҿи Иерусалим зегь аҿи абас шрылаҳәатәу: «Ашьхарахь шәцаны амаслина амахәқәеи, аԥса амахәқәеи, амирта амахәқәеи, апальма амахәқәеи, егьырҭ аҵлақәа рымахәқәеи аажәга, азакәан ишану еиԥш ақьалақәа шәыргыларц азы».
16 Ауаа цан, амахәқәа ааганы, рхыбқәа рҿи, рашҭақәа рҿи, Анцәа ду иҩны ашҭақәа рҿи, Аӡы агәашә ашҭаҿи, Ефремаа ргәашә ашҭаҿи ақьалақәа дыргылеит. 17 Атҟәара аҟынтә ихынҳәыз зегьы ақьалақәа ҟарҵан, уа анхара иалагеит. Израильаа даараӡа игәырӷьон, избанзар Иисус Нави́н ихаан аахыс ари аныҳәа абас иазгәарымҭаӡацызт. 18 Анцәа ду изакәан ашәҟәы рыбжьы ҭыганы есыҽны иаԥхьон, актәи амш инаркны аҵыхәтәантәи амшынӡа. Аныҳәа бжьымшы иазгәарҭон, аабатәи амш аҽны азакәан ишаҳәоз еиԥш иҷыдоу аизара ҟарҵеит.
9 Убри амза 24-тәи амш аҽны израильаа зегь еизеит. Дара аџьабарамаҭәа* рышәҵаны, асаба рықәыԥсаны ачгара иалагеит. 2 Израильаа рышьҭра иатәыз ауаа егьырҭ ауаа ирылҵны хазы игылеит. Дара иҟарҵаз агәнаҳақәеи рабацәеи рабдуцәеи иҟарҵаз агәнаҳақәеи аартны ирҳәон. 3 Дара х-сааҭк* игыланы Рынцәа Иегова изакәан ашәҟәы рыбжьы ҭыганы иаԥхьон, даҽа х-сааҭк — рыгәнаҳақәа аартны ирҳәон, насгьы Рынцәа Иегова иеихырхәон.
4 Иешу́а, Ба́ни, Кадмии́л, Шева́ниа, Бу́нни, Шере́виа, Ба́ни, Кена́ни алевитцәа рзы иҟаҵаз аӷәтәы қәгыларҭа иқәгыланы Рынцәа Иегова рыбжьы ҭыганы иҳәон. 5 Уи ашьҭахь алевитцәа Иешу́а, Кадмии́л, Ба́ни, Хаша́внеиа, Шере́виа, Го́диа, Шева́ниа, Пета́хиа ирҳәеит: «Шәгыланы Шәынцәа Иегова наӡаӡа дшәырҽхәала. Идырҽхәалааит ҽхәаԥхьыӡс, зылԥхарас иҟоу зегь иреиҳау, хьӡи-ԥшеи змоу ухьӡ ду.
6 Иегова, уара уҩыза Анцәа дыҟаӡам. Уара иушеит ажәҩани, ажәҩанқәа рыжәҩани уа иҟоу ар дуи, адгьыли уи иқәу зегьи, амшынқәеи урҭ ирҭоу зегьи. Уара зегь аԥсҭазаара руҭоит, жәҩантәи аргьы уара иуеихырхәоит. 7 Уара, Иегова, Аврам далызхыз, халдеиатәи Ур далганы ахьӡ Авраам изҭаз Анцәа ду уоуп. 8 Уара иубеит иара гәык-ԥсыкала дышузиашоу, убри аҟынтә иареи уареи шәыбжьара аиқәшаҳаҭра бжьоуҵеит, ихылҵуеи иареи ханаа́нааи, хе́ттаи, аморе́иааи, ферезе́иааи, иеву́сааи, гирга́шааи рыдгьыл руҭарц азы. Уара уажәа наугӡеит, избанзар уара аиашара улоуп.
9 Уара ҳабацәа рабацәа Египет ианыҟаз ргәаҟрақәа убеит, Амшын ҟаԥшь аҿы иҵәаа-ҵәаауа ацхыраара ианаҳәоз уаҳаит. 10 Уара афараон имаҵуцәеи, ижәлари, иареи ирықәнагоу иақәуршәарц азы узыршанхо аусқәеи аџьашьахәқәеи ҟауҵеит, избанзар иудыруан дара ҳабацәа рабацәа шдыргәаҟуаз. Уара ухьӡ зегьы идурдырит, уи иахьа уажәраанӡагьы ирдыруеит. 11 Уара урҭ рҿаԥхьа амшын еиҩушан, ибаз амшын аҵа иқәланы наҟ ииасит, ирышьҭаз ракәзар, игәрымуа амшын ахаҳә шаларыжьуа еиԥш амшын ҵаула иалаужьит. 12 Ҽынла уара урҭ аԥҭа шьаҟала иугон, уахынла — амца шьаҟала, убас ицараны излаҟаз рымҩа урлашон. 13 Уара ашьха Синаи ахь улбааны ажәҩан аҟынтә урацәажәон. Уара урҭ ииашоу аусԥҟақәеи, узықәгәыӷыртә иҟоу азакәанқәеи*, амҩақәҵара бзиақәеи, аԥҟарақәеи руҭеит. 14 Уара урҭ иԥшьоу асабша азгәарҭаларц роуҳәеит, умаҵзуҩы Моисеи ила аԥҟарақәеи, аусԥҟақәеи, азакәанқәеи руҭеит. 15 Амла ианакуаз, ажәҩан аҟынтә ача руҭеит, аӡба ианакуаз, ацаҟьа аҟынтә аӡы ааушьҭит, насгьы ишәысҭоит ҳәа уқәны изықәургәыӷыз адгьыл ахь ицарц роуҳәеит, дара иртәхарц азы.
16 Ҳабацәа рабацәа рҳәатәы иадыргон, иуҳәо рмаҳауа иҟалеит*, уԥҟарақәагьы рықәныҟәара иаҟәыҵит. 17 Дара аӡырҩра рҭахымхаӡеит, иҟауҵоз аус џьашьахәқәа ргәаламшәаӡеит, иуҳәо рмаҳауа иҟалеит, Египетҟа маҵуцәас ихынҳәырц азы ахада далырхит. Аха уара анажьра иазхиоу, згәы ҳалалу*, арыцҳашьареи ачҳареи злоу, бзиабарала* иҭәу Анцәа уоуп, убри аҟынтә уара урҭ каумыжьӡеит. 18 Дара аҳәыс абаҟа ҟаҵаны, „Ари Египет уалызгаз Унцәа иоуп“ рҳәон, убас зынӡа пату шуқәрымҵоз аадырԥшуан. 19 Аха уара уеизгьы арыцҳашьара ду ааурԥшын, урҭ ацәҳәыраҿы ианыҟаз икаумыжьӡеит, ҽынла аԥҭа шьаҟа рԥырҵӡомызт, амҩа днарбаларц азы, уахынла — амца шьаҟа, излацалаша амҩа днарбаларц азы. 20 Уара урҭ удоуҳа* руҭон, иҟәышхарц азы. Аманна рыгужьӡомызт, аӡба ианакуаз, аӡы руҭон. 21 Уара урҭ ацәҳәыраҿы 40 шықәса акрырҿоуҵон, акгьы рыгӡамызт, рымаҭәа хаӡомызт, ршьапқәагьы чӡомызт.
22 Уара урҭ аҳрақәеи ажәларқәеи руҭеит, адгьылқәа шаны ируҭеит. Дара иргеит хешбонтәи аҳ Сихо́н идгьыли башантәи аҳ Ог идгьыли. 23 Уара урҭ рыхшара ажәҩан икыду аеҵәақәа реиԥш иуррацәеит, нас рабацәа зықәургәыӷыз адгьыл ахь инаугеит. 24 Даргьы цан, уи адгьыл ргеит. Уара урҭ рҿаԥхьа уи адгьыл аҿы инхоз ханаа́наа уриааит, уи адгьыл аҳцәеи уа инхоз ажәларқәеи рнапаҿы иҟауҵеит, ирҭаху рзыруларц азы. 25 Дара хырӷәӷәарҭала ихьчаз ақалақьқәеи адгьыл ԥсылеи ргеит, иргеит бзиарас иҟоу зегь ахьыҩназ аҩнқәеи, аӡеизгарҭақәеи, аӡахәаҭрақәеи, амаслина баҳчақәеи, ашәыр зҿалоз аҵлақәеи рацәаны. Дара рызхара рфон, ирыцлон, гәыҭбаарала иҟауҵоз абзиарақәа ирылагәырӷьон.
26 Аха дара ҳәатәхамҵацәахеит, иуҿагылеит, узакәан иацәхьаҵит*, уара уахь ихынҳәырц ргәазҭазҵоз уԥааимбарцәа ршьит, зынӡа пату уқәырҵаӡомызт. 27 Уи азы уара урҭ изыргәаҟуаз аӷацәа ируҭеит. Арыцҳара ианақәшәа, ацхырааразы уҳәара иалагеит, уаргьы ажәҩан аҟынтә рыҳәара уаҳаит, насгьы арыцҳашьара ду аарԥшны аиқәырхаҩцәа руҭеит, раӷацәа рҟынтә ирыхьчаларц азы.
28 Аха ԥсеивгарак анроулак, еиҭа иуцәымӷыз аҟаҵара иалагон, нас уара урҭ изыргәаҟуаз аӷацәа ируҭон. Усҟан дара уара уахь ихынҳәны, ацхырааразы уҳәара иалагон, уаргьы ажәҩан аҟынтә рыҳәара уаҳауан, арыцҳашьара ду аарԥшны уааҟәымҵӡакәа еиқәурхон. 29 Уара урҭ узакәан ахь ахынҳәра ргәазҭоуҵон, аха дара рҳәатәы иадыргон, уԥҟарақәа рықәныҟәара рҭахӡамызт, агәнаҳа ҟарҵон, избанзар аԥсҭазаара узҭо уусԥҟақәа ирықәныҟәаӡомызт, урҭ аусԥҟақәа ирықәныҟәо иоуп аԥсҭазаара зауа. Дара уцәхьаҵуан, рҳәатәы иадыргон, иузыӡырҩӡомызт. 30 Уара урҭ шықәсы рацәала иучҳауан, удоуҳа зуҭоз уԥааимбарцәа рыла ргәырҽануҵон, аха дара аӡырҩра рҭахӡамызт. Аҵыхәтәаны уара урҭ егьырҭ ажәларқәа ируҭеит. 31 Аха уара арыцҳашьара ду ааурԥшын иқәумгаӡеит, икаумыжьӡеит, избанзар уара згәы ҳалалу, арыцҳашьара злоу Нцәоуп.
32 Уажәшьҭа, Ҳанцәа, амч ду змоу, апатуқәҵара зныԥшуа ашәара узцәырызго, зеиқәшаҳаҭра еилазымго, гәыбылрала иҭәу абзиабара аазырԥшуа Анцәа ду, суҳәоит, ассириатәи аҳцәа рхаан аахыс ҳзықәшәоз, ҳаҳцәеи, ҳаҭауадцәеи, ҳаԥшьаҩцәеи, ҳԥааимбарцәеи, ҳабацәа рабацәеи, ужәлар зегь шынеибаркуи зықәшәоз ауадаҩрақәа маҷумшьан. 33 Ҳзықәшәоз зегьы уиашара аанарԥшуан, уара иуҳәоз наугӡон, ҳара агәнаҳа ҟаҳҵон. 34 Ҳаҳцәеи, ҳаҭауадцәеи, ҳаԥшьаҩцәеи, ҳабацәа рабацәеи узакәан иқәныҟәаӡомызт, уԥҟарақәеи ируҭоз агәҽанҵарақәеи* хьаас ирымаӡамызт. 35 Аҳцәа рхаан гәыҭбаарала ируҭоз аҳамҭақәа ианрылагәырӷьозгьы, ируҭаз иԥсылаз, иҭбааҭыцәыз адгьыл аҿы ианынхозгьы, умаҵ руӡомызт, рус цәгьақәа аанрыжьӡомызт. 36 Уажәшьҭа ҳара ҳмаҵуцәоуп. Ааи, ҳабацәа рабацәа ируҭаз адгьыл аҿы — зҽаҩра рфаларц, зыбзиарақәа ирылагәырӷьаларц ируҭаз адгьыл аҿы — ҳмаҵуцәоуп. 37 Уи адгьыл иаанашьҭуа аҽаҩра беиа зегьы ҳагәнаҳақәа ирыхҟьаны иаҳхаургылаз аҳцәа иргоит. Дара ишырҭаху рхы ҳадырхәоит, ҳарахәгьы ирҭаху рзыруеит, арыцҳара ду ҳҭагылоуп.
38 Убри азы ҳара напыла иҩу аҿаҭахьа шьҭаҳҵоит, ҳаҭауадцәеи, ҳлевитцәеи, ҳаԥшьаҩцәеи рымҳәырқәагьы ааҳархоит».
10 Абар зымҳәырқәа аазырхаз:
Гаха́лиа иԥа, анапхгаҩы Нееми́а,
иара убас Седе́киа, 2 Сера́иа, Аза́риа, Иереми́а, 3 Пашху́р, Ама́риа, Ма́лхиа, 4 Хатту́ш, Шева́ниа, Маллу́х, 5 Хари́м, Меремо́т, А́вди, 6 Даниил, Гиннето́н, Бару́х, 7 Мешулла́м, А́виа, Миами́н, 8 Маа́зиа, Билга́и, Шема́иа; арҭ ԥшьаҩцәан.
9 Алевитцәа: Аза́ниа иԥа Иешу́а, Хенада́д иԥацәа рҟынтә Бинну́и, Кадмии́л, 10 урҭ рашьцәа Шева́ниа, Го́диа, Кели́та, Пела́иа, Хана́н, 11 Ми́ха, Рехо́в, Хаша́виа, 12 Закку́р, Шере́виа, Шева́ниа, 13 Го́диа, Ба́ни, Бени́ну.
14 Ажәларқәа рхадацәа: Паро́ш, Паха́т-Моа́в, Ела́м, За́тту, Ба́ни, 15 Бу́нни, Азга́д, Бева́и, 16 Адо́ниа, Бигва́и, Ади́н, 17 Ате́р, Езеки́а, Аззу́р, 18 Го́диа, Хашу́м, Беца́и, 19 Хари́ф, Анато́т, Нева́и, 20 Магпиа́ш, Мешулла́м, Хези́р, 21 Мешезаве́л, Цадо́к, Иадду́а, 22 Пела́тиа, Хана́н, Ана́иа, 23 О́сиа, Хана́ниа, Хашшу́в, 24 Халлохе́ш, Пи́лха, Шове́к, 25 Реху́м, Хаша́вна, Маасе́иа, 26 А́хиа, Хана́н, Ана́н, 27 Маллу́х, Хари́м, Баа́на.
28 Егьырҭ ауаа зегьы — аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи, агәашәхьчаҩцәеи, ашәаҳәаҩцәеи, аныҳәарҭа амаҵуцәеи, Анцәа ду изакәан нарыгӡаларц азы егьырҭ ажәларқәа ирыдҵызи, иара убас урҭ рыҳәсеи, рԥацәеи, рыԥҳацәеи, аиқәшаҳаҭра ажәақәа реилкаара зылшоз зегьы*, — 29 рашьцәа-ауаа дуқәа рыҽрыдыркылеит. Дара ауаа зегьы рҿаԥхьа иқәит* Анцәа ду имаҵзуҩы Моисеи ила Анцәа ду ириҭаз азакәан шынарыгӡало, насгьы ак агмыжькәа Иҳақәиҭу Иегова иԥҟарақәеи, изакәанқәеи, иусԥҟақәеи ишрықәныҟәало. 30 Ҳара ҳаԥҳацәа егьырҭ ажәларқәа ираҳҭалаӡом, ҳаргьы урҭ рыԥҳацәа ҳаҷкәынцәа рзы ԥҳәысс иаҳгалаӡом.
31 Егьырҭ ажәларқәа рҟынтә ауаа асабшаҽны ачарыц* ма даҽакы аҭира ианааргало, ҳара урҭ рҿы асабшаҽны ма иԥшьоу даҽа мшык азы акгьы ааҳхәалаӡом. Абыжьбатәи ашықәс азы адгьыл аԥсы аҳаршьалоит, ҳуал зқәугьы иранаҳажьлоит.
32 Уи адагьы, дасу уалԥшьаны иҳадаҳҵеит есышықәса аше́кель ахԥатәи ахәҭа* Ҳанцәа иҩнаҿы* ицо амаҵзура ишаҳҭало: 33 иԥшьоу ачазы, кәырбанс инарго ачазы, сабшалеи амзаҿа ангылои ирбылуа акәырбанқәа рзы, иара убас аныҳәақәа рзы, иԥшьоу акәырбанқәа рзы, Израиль зҵоу агәнаҳа ахыхразы инарго акәырбанқәа рзы, насгьы Ҳанцәа иҩнаҿы ицо аусқәа рзы.
34 Ҳара аҵәы ҭаҳаԥсеит, азакәан аҿы ишану еиԥш Ҳанцәа Иегова икәырбаннагарҭаҿы ибылларц азы аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи, ажәлари рҟынтә иарбан биԥарақәоу Ҳанцәа иҩназы есышықәса амҿы аагара зыхәҭоу, насгьы уи аҟаҵара анрыхәҭоу шьақәҳаргыларц азы. 35 Иара убас ҳара есышықәса Иегова иҩнахьы инаҳгалоит раԥхьатәи аҽаҩреи ашәырҵлақәа зегь ирҿало раԥхьатәи ашәыри, 36 насгьы Ҳанцәа иҩнахьы, уаҟа амаҵ зуа аԥшьаҩцәа рахь, инаҳгалоит ҳаҷкәынцәа рҟынтә раԥхьатәи ҳԥацәеи аԥстәқәа* раԥхьатәи рԥацәеи, азакәан аҿы ишҳәоу еиԥш, иара убас ашьамаҟеи аԥсасеи раԥхьатәи рԥацәеи. 37 Ҳара Ҳанцәа иҩны аҵәахырҭа ауадақәа* рахь аԥшьаҩцәа ирызнаҳгалоит иџьаџьаны илагоу раԥхьатәи ачашыла, хатәгәаԥхарала иҟаҵоу аҳамҭақәа, еиуеиԥшым аҵлақәа ирҿало ашәырқәа, аҩы, ахәша. Алевитцәа адгьыл иаҳнаҭо ажәабатәи ахәҭа раҳҭалоит, избанзар алевитцәа роуп адгьыл иахьықәаарыхуа ҳақалақьқәа зегьы рҿы ажәабатәи ахәҭа еизызгалар зыхәҭоу.
38 Алевитцәа ажәабатәи ахәҭа анеизырго, Аарон ишьҭра иатәу аԥшьаҩы дрыцзароуп. Алевитцәа ироуа ажәабатәи ахәҭа аҟынтә ажәабатәи ахәҭа Ҳанцәа иҩнаҿы иҟоу аҵәахырҭахь* инаргалароуп. 39 Израильааи алевитцәа рыҷкәынцәеи хатәгәаԥхарала инарго ачарыци, аҩи, ахәшеи аԥшьаҭыԥ амаҭәарқәа ахьыҟоу, насгьы аԥшьаҩцәеи, агәашәхьчаҩцәеи, ашәаҳәаҩцәеи амаҵ ахьыруа аҵәахырҭа уадақәа рахь инаргалароуп. Ҳара Ҳанцәа иҩны ахылаԥшра ҳаҟәыҵӡом.
11 Ажәлар рыҭауадцәа Иерусалим инхон. Егьырҭ ауаа еиҩыршарц азы аҵәы ҭарыԥсеит, жәаҩык рҟынтә аӡәы Иерусалимҟа нхара диасит, егьырҭ жәҩык рықалақьқәа рҿы иаанхеит. 2 Иҟан хатәгәаԥхарала Иерусалимҟа ииасызгьы, ажәларгьы урҭ ауаа ирықәныҳәеит.
3 Абар Иерусалим инхоз апровинциа аиҳабацәа. (Егьырҭ израильааи, аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи, аныҳәарҭа амаҵуцәеи, Соломон имаҵуцәа рԥацәеи Иудеиа иаҵанакуаз егьырҭ ақалақьқәа рҿы инхон, дасу иқалақь аҿы иҭынхаз адгьыл аҿы.
4 Иара убас Иерусалим инхон аиудеиааи вениами́нааи шьоукы.) Аиудеиаа рҟынтә: Ата́иа, уи Малелеи́л иԥа Шефа́тиа иԥа Ама́риа иԥа Заха́риа иԥа У́ззиа иԥа иакәын, Фаре́с иԥацәа рҟынтә, 5 иара убас Маасе́иа, уи Заха́риа иԥа Иоиари́в иԥа Ада́иа иԥа Хаза́иа иԥа Кол-Хозе́ иԥа Бару́х иԥа иакәын, Ше́ла иԥацәа рҟынтә. 6 Иерусалим инхоз Фаре́с иԥацәа зегьы 468-ҩык ыҟан. Дара зегьы иӷәӷәаз уаан.
7 Вениаами́наа рҟынтә: Са́ллу, уи Иеша́и иԥа Ифии́л иԥа Маасе́иа иԥа Кола́иа иԥа Педа́иа иԥа Иое́д иԥа Мешулла́м иԥа иакәын, 8 иара убас Габба́ии Салла́ии — зегьы 928-ҩык. 9 Зи́хри иԥа Иои́ль урҭ реиҳаб иакәын, Хассену́иа иԥа Иуда ақалақь аҿы уи ихаҭыԥуаҩ иакәын.
10 Аԥшьаҩцәа рҟынтә: Иоиари́в иԥа Иеда́иа, Иахи́н, 11 Сера́иа, уи Ахиту́в иԥа Мираио́т иԥа Цадо́к иԥа Мешулла́м иԥа Хи́лкиа иԥа иакәын. Ахиту́в Анцәа ду иҩнаҿы амаҵ зуаз аиҳабацәа дыруаӡәкын, 12 иара убас уи аҩнаҿы амаҵ зуаз урҭ рашьцәа — зегьы 822-ҩык; Ада́иа, уи Ма́лхиа иԥа Пашху́р иԥа Заха́риа иԥа А́мци иԥа Пела́лиа иԥа Иероха́м иԥа иакәын, 13 иара убас иашьцәа, абиԥарақәа рхадацәа — 242-ҩык; Амашса́и, уи Имме́р иԥа Мешиллемо́т иԥа Ахза́и иԥа Азаре́л иԥа иакәын, 14 иара убас иашьцәа, агәымшәара злаз ахацәа ӷәӷәақәа — 128-ҩык, урҭ еиҳабыс дрыман ауаа дуқәа ирылҵыз Завдии́л.
15 Алевитцәа рҟынтә: Шема́иа, уи Бу́нни иԥа Хаша́виа иԥа Азрика́м иԥа Хашшу́в иԥа иакәын, 16 насгьы алевитцәа рхадацәа Шаббета́ии Иозава́ди. Дара Анцәа ду иҩны анҭыҵ иҟаз аусқәа рнапы ианын, 17 иара убас Анцәа ианиҳәоз, ддырҽхәаларц азы ашәа зҳәоз ашәаҳәаҩцәа напхгара рзызуаз Матта́ниа, уи Аса́ф иԥа За́вди иԥа Ми́ха иԥа иакәын, уи ицхырааҩ Бакбу́киа, иара убас А́вда, уи Иедуту́н иԥа Гала́л иԥа Шамму́а иԥа иакәын. 18 Зегь ааизакны иԥшьоу ақьалаҿы 284-ҩык алевитцәа ыҟан.
19 Агәашәхьчаҩцәа: Акку́в, Талмо́н, иара убас урҭ рашьцәа — 172-ҩык.
20 Егьырҭ израильааи, аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи Иудеиа иаҵанакуаз егьырҭ ақалақьқәа рҿы инхон, дасу иҭынхаз адгьыл аҿы. 21 Аныҳәарҭа амаҵуцәа Офе́л инхон, Ци́хеи Ги́шпеи урҭ реиҳабацәа ракәын.
22 Иерусалим алевитцәа еиҳабыс ирымаз У́ззи иакәын. Уи Аса́ф иԥа Ми́ха иԥа Матта́ниа иԥа Хаша́виа иԥа Ба́ни иԥа иакәын, урҭ шәаҳәаҩцәан. Иара Анцәа ду иҩнаҿы ицоз аусқәа инапы ианын. 23 Аҳ аусԥҟа ҭижьит ашәаҳәаҩцәа есыҽны рхы зланыҟәыргалаша рырҭаларц азы. 24 Иуда иԥа Зера́х иԥацәа рҟынтә Мешезаве́л иԥа Пета́хиа аҳ иабжьгаҩ иакәын. Иара ажәлар ирыдҳәалаз аусқәа рҿы аҳ дицхраауан.
25 Аиудеиаа шьоукы амхқәа ахьыҟаз ақыҭақәа рҿы инхон. Абар урҭ ахьынхоз: Кириа́т-Арба́, иара убас уи иаҵанакуаз ақалақьқәа, Диво́н, иара убас уи иаҵанакуаз ақалақьқәа, Иекавцеи́л, иара убас уи иаҵанакуаз ақыҭақәа, 26 Иешу́а, Мола́да, Бет-Пеле́т, 27 Хаца́р-Шуа́л, Бее́р-Ше́ва, иара убас уи иаҵанакуаз ақалақьқәа, 28 Цикла́г, Мехо́на, иара убас уи иаҵанакуаз ақалақьқәа, 29 Ен-Риммо́н, Цо́ра, Иарму́т, 30 Заноа́х, Адулла́м, иара убас урҭ ирыҵанакуаз ақыҭақәа, Лахи́ш уи иаҵанакуаз амхқәеи иареи, иара убас Азе́кеи уи иаҵанакуаз ақалақьқәеи. Израильаа Бее́р-Ше́ва инаркны арха Хинно́мынӡа инхон.
31 Вениами́наа нхон Ге́ва, Михма́с, Га́и, Вефи́ль, иара убас уи иаҵанакуаз ақалақьқәа рҿы, 32 Анато́т, Но́в, Ана́ниа, 33 Хацо́р, Ра́ма, Гиттаи́м, 34 Хади́д, Цевои́м, Невалла́т, 35 Ло́д, иара убас ауасҭацәа рарха О́но. 36 Вениами́наа рыдгьыл аҿы уаанӡа Иудеиа инхоз алевитцәа ргәыԥқәакгьы анхара иалагеит.
12 Абар Шеалтие́л иԥа Зорова́вельи Иешу́еи ирыцны иааз аԥшьаҩцәеи алевитцәеи: Сера́иа, Иереми́а, Е́здра, 2 Ама́риа, Маллу́х, Хатту́ш, 3 Шеха́ниа, Реху́м, Меремо́т, 4 И́ддо, Гиннето́и, А́виа, 5 Миами́н, Маа́диа, Би́лга, 6 Шема́иа, Иоиари́в, Иеда́иа, 7 Са́ллу, Амо́к, Хи́лкиа, Иеда́иа. Дара Иешу́а ихаан аԥшьаҩцәеи урҭ рашьцәеи рхадацәа ракәын.
8 Алевитцәа: Иешу́а, Бинну́и, Кадмии́л, Шере́виа, Иуда, Матта́ниа. Уи иашьцәеи иареи Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳәо ашәа зҳәоз напхгара рзыруан. 9 Урҭ рҿаԥхьа рашьцәа Бакбу́киеи У́ннии гыланы аныҳәарҭа рыхьчон*. 10 Иешу́а дихылҵит Иоаки́м, Иоаки́м дихылҵит Ельиаши́в, Ельиаши́в дихылҵит Иоиа́да, 11 Иоиа́да дихылҵит Ионафа́н, Ионафа́н дихылҵит Иадду́а.
12 Иоаки́м ихаан аԥшьаҩцәа рҿы абиԥарақәа рхадацәа абарҭ ракәын: Сера́иа ишьҭраҿы Мера́иа, Иереми́а ишьҭраҿы Хана́ниа, 13 Е́здра ишьҭраҿы Мешулла́м, Ама́риа ишьҭраҿы Иехохана́н, 14 Мели́ху ишьҭраҿы Ионафа́н, Шева́ниа ишьҭраҿы Иосиф, 15 Хари́м ишьҭраҿы А́дна, Мераио́т ишьҭраҿы Хелка́и, 16 И́ддо ишьҭраҿы Заха́риа, Гиннето́н ишьҭраҿы Мешулла́м, 17 А́виа ишьҭраҿы Зи́хри, Миниами́н ишьҭраҿы ...*, Моа́диа ишьҭраҿы Пилта́и, 18 Би́лга ишьҭраҿы Шамму́а, Шема́иа ишьҭраҿы Ионафа́н, 19 Иоиари́в ишьҭраҿы Маттена́и, Иеда́иа ишьҭраҿы У́ззи, 20 Салла́иа ишьҭраҿы Калла́и, Амо́к ишьҭраҿы Еве́р, 21 Хи́лкиа ишьҭраҿы Хаша́виа, Иеда́иа ишьҭраҿы Нафанаи́л.
22 Алевитцәеи аԥшьаҩцәеи рабиԥарақәа рхадацәа асиа ианырҵон Ельиаши́ви, Иоиа́деи, Иохана́ни, Иадду́еи рхаан, персиатәи аҳ Да́ри аҳра аура даналагаз аҟынӡа.
23 Алевитцәа, абиԥарақәа рхадацәа, аҭоурыхқәа рышәҟәы ианырҵон Ельиаши́в иԥа Иохана́н иҟынӡа. 24 Алевитцәа рхадацәа абарҭ ракәын: Хаша́виа, Шере́виа, Кадмии́л иԥа Иешу́а, насгьы урҭ рҿаԥхьа игылаз рашьцәа. Дара Анцәа ду имаҵзуҩы Давид ишиҳәахьаз еиԥш Анцәа ддырҽхәон, иҭабуп ҳәагьы иарҳәон. Гәыԥҩык ахьчаҩцәа егьи агәыԥ аган аҿы игылан. 25 Матта́ниеи, Бакбу́киеи, А́вдии, Мешулла́ми, Талмо́ни, Акку́ви гәашәхьчаҩцәан. Дара агәашә ааигәара аҵәахырҭа ауадақәа рыхьчон. 26 Дара амаҵ руан Иоцада́к иԥа Иешу́а иԥа Иоаки́м ихаан, иара убас анапхгаҩы Нееми́еи аԥшьаҩы, ахҩылааҩ Е́здреи рхаан.
27 Иерусалим аҭӡамц аргылара иахьалгаз иазкны аныҳәа азгәаҭара аамҭа анааи, алевитцәа рыԥшаара иалаган, иахьынхоз аҭыԥқәа зегьы рҟынтә иаарган, Иерусалим еизыргеит, ашәақәа ҳәо, Анцәа ҭабуп ҳәа иаҳәо, акимвалқәеи, аҩымаақәеи, егьырҭ арахәыцтә рҳәагақәеи арҳәо, игәырӷьаҵәа ари ахҭыс азгәарҭарц азы. 28 Ашәаҳәаҩцәа рԥацәа* ааит Иордантәи акаршәра* аҟынтә, Иерусалим акәша-мыкәша иҟаз аҭыԥқәа рҟынтә, нето́фаа рқыҭақәа рҟынтә, 29 Бет-Гилга́лынтәи, Ге́веи Азмаве́ти иаарыкәыршаны иҟаз аҭыԥқәа рҟынтә, избанзар ашәаҳәаҩцәа Иерусалим акәша-мыкәша анхарҭақәа дыргылеит. 30 Аԥшьаҩцәеи алевитцәеи рҽыдрыцқьеит, ажәларгьы дрыцқьеит, иара убас агәашәгьы аҭӡамцгьы дрыцқьеит.
31 Нас иудеиатәи аҭауадцәа аҭӡамц ахь изгеит. Сара Анцәа иҭабуп ҳәа иарҳәаларц азы ҩ-хор дук еиҿыскааит. Аҩхоркгьы гәыԥҩык ауаа рыцны ицалар акәын. Хорк аҭӡамц иқәланы арыӷьарахь Ахәатә гәашә ахь идәықәлеит. 32 Урҭ ирышьҭаланы ицон Гоша́иа, иудеиатәи аҭауадцәа абжаҩык, 33 Аза́риа, Е́здра, Мешулла́м, 34 Иуда, Вениами́н, Шема́иа, Иереми́а. 35 Урҭ ирыцын абыкьқәа зкыз аԥшьаҩцәа рыҷкәынцәа: Заха́риа, уи Аса́ф иԥа Закку́р иԥа Михе́и иԥа Матта́ниа иԥа Шема́иа иԥа Ионафа́н иԥа иакәын, 36 уи иашьцәа Шема́иа, Азаре́л, Милала́и, Гилала́и, Маа́и, Нафанаи́л, Иуда, Хана́ни. Дара Анцәа ду имаҵзуҩы Давид имузыкатә инструментқәа ркын. Урҭ раԥхьа ахҩылааҩ Е́здра дгылан. 37 Дара Аӡыхь агәашә аҟынтә рымҩа иацырҵан, Давид иқалақь амардуан иаҩсын, аҭӡамц ихалеит, Давид иҩны иаҩсын, мрагылара Аӡы агәашә аҟынӡа инеит.
38 Сара сзышьҭаланы сцоз ахори абжаҩык ауааи аҭӡамц иқәланы егьи аганахь идәықәлеит Ачаӡырҭақәа рбааш аҟынӡа, Аҭӡамц ҭбаа аҟынӡа, 39 Ефремаа ргәашә аҟынӡа, Ажәытә қалақь агәашә аҟынӡа, нас Аԥсыӡ гәашә аҟынӡа, Ханане́л ибааш аҟынӡа, абааш Ме́а аҟынӡа, Ауасақәа ргәашә аҟынӡа, нас Ахьчаҩцәа ргәашә аҟны иаангылеит.
40 Аҵыхәтәаны аҩхорк Анцәа ду иҩны аԥхьа иаангылеит, саргьы саангылеит, иара убас иаангылеит аиҳабацәа абжаҩык, 41 абыкьқәа зкыз аԥшьаҩцәа Елиаки́м, Маасе́иа, Миниами́н, Михе́и, Елиоена́и, Заха́риа, Хана́ниа, 42 иара убас Маасе́иа, Шема́иа, Елеаза́р, У́ззи, Иехохана́н, Ма́лхиа, Ела́м, Езе́р. Изра́хиа напхгара ззиуаз ашәаҳәаҩцәа рыбжьы рдуны ашәа рҳәон.
43 Уи аҽны израильаа акәырбанқәа рацәаны инаргеит. Дара гәырӷьон, избанзар Анцәа ду агәырӷьара ду риҭеит. Аҳәсагьы ахәыҷқәагьы гәырӷьон, ргәырӷьабжь Иерусалим анҭыҵгьы иуаҳауан.
44 Убри аҽны хатәгәаԥхарала иҟарҵоз аҳамҭақәеи, раԥхьатәи аҽаҩреи, ажәабатәи ахәҭеи ахьырҵәахуаз аҭыԥ иахылаԥшло ахацәа алырхит. Уа дара амхқәа* рҿы иҭаргалоз аҽаҩра ахәҭак еизганы ишьҭарҵалар акәын, уи закәанла аԥшьаҩцәеи алевитцәеи иртәын. Иудеиа гәырӷьаран иҟаз, избанзар зегьы ирбон аԥшьаҩцәеи алевитцәеи амаҵ шыруаз. 45 Дара Давиди иԥа Соломони ишырҳәахьаз еиԥш Анцәа имаҵ ауреи арыцқьареи ирыдҳәалаз рҭакԥхықәрақәа рынагӡара иалагеит. Рҭакԥхықәрақәа рынагӡара иалагеит ашәаҳәаҩцәагьы агәашәхьчаҩцәагьы, 46 избанзар уаанӡа, Давиди Аса́фи рхаан, иҟан ашәаҳәаҩцәа напхгара рызҭоз, Анцәа дзырҽхәоз, иҭабуп ҳәа иарҳәарц ирҳәоз ашәақәа знапы ианыз ауаа. 47 Зорова́вель ихаани Нееми́а ихаани израильаа зегьы ашәаҳәаҩцәеи агәашәхьчаҩцәеи есыҽны ирыхәҭаз рырҭон. Дара алевитцәагьы ирыхәҭаз рырҭон, алевитцәа Аарон ишьҭра иатәыз ирыхәҭаз рырҭон.
13 Уи аҽны ажәлар Моисеи ишәҟәы рыбжьы ҭыганы ирзаԥхьон. Уа ианын аммо́нааи моа́вааи Анцәа ду иеизара иахәҭакхар шрылымшо, 2 избанзар дара израильаа ачеи аӡи рырымҭаӡеит, уи аҭыԥан Валаа́м аԥара изыршәеит ишәиирц азы, аха Ҳанцәа ашәи зылԥхараны иҟаиҵеит. 3 Израильаа азакәан иаҳәоз анраҳа, атәым шьҭра иатәыз* зегьы рылырго иалагеит.
4 Уаанӡа ԥшьаҩыс иҟаз Анцәа иҩны аҵәахырҭа уадақәа ирхылаԥшуаз То́виа иуа Ельиаши́в иакәын. 5 Иара кәырбанс инаргоз ачеи, аладани, еиуеиԥшым амаҭәарқәеи, алевитцәеи, ашәаҳәаҩцәеи, агәашәхьчаҩцәеи иртәыз ачарыци*, аҩи, ахәшеи рҟынтә ажәабатәи ахәҭеи, аԥшьаҩцәа рзы хатәгәаԥхарала иҟарҵоз аҳамҭақәеи уаанӡа иахьышьҭарҵоз аҵәахырҭа уада ду То́виа ииҭеит.
6 Убри аамҭа зегьы сара Иерусалим сыҟаӡамызт, избанзар вавилонтәи аҳ Артаксе́ркс аҳра аниуаз 32-тәи ашықәс азы сара аҳ иахь схынҳәит, аамҭак ашьҭахь еиҭа аҳ сыҽимысхит. 7 Иерусалимҟа саныхынҳә, сара еилыскааит Ельиаши́в аиакәым шыҟаиҵаз: иара Анцәа ду иҩны ашҭаҿы иҟаз аҵәахырҭа уада То́виа ииҭеит. 8 Сара уи даараӡа исгәамԥхаӡеит, убри азы аҵәахырҭа уада аҟынтә То́виа иитәыз зегь дәылганы икасыжьит. 9 Нас аҵәахырҭа уадақәа дрыцқьарц расҳәеит, насгьы Анцәа ду иҩны иатәыз амаҭәарқәеи, кәырбанс инаргоз ачеи, аладани еиҭа уахь иназгеит.
10 Иара убас еилыскааит алевитцәа ирыхәҭаз шрырымҭоз, уи иахҟьаны алевитцәеи ашәаҳәаҩцәеи рмаҵзура ааныжьны, дасу рымхқәа рахь ишцаз. 11 Сара аиҳабацәа срацәҳан, ус сҳәеит: «Анцәа ду иҩны изахыламԥшуеи?» Нас ицаз ааизызган, дасу рҭыԥқәа рахь исырхынҳәит. 12 Аиудеиаа зегьы аҵәахырҭа уадақәа рахь ачарыци, аҩи, ахәшеи рҟынтә ажәабатәи ахәҭа ааргеит. 13 Сара аԥшьаҩы Шеле́миеи, ахҩылааҩ Цадо́ки, алевит Педа́иеи аҵәахырҭа уадақәа рхылаԥшра рнапы ианысҵеит, цхырааҩысгьы Матта́ниа иԥа Закку́р иԥа Хана́н дрысҭеит, избанзар дара зегьы узықәгәыӷыртә иҟаз уаан. Дара рашьцәа ирыхәҭаз рзыршалар акәын, уи дҵас ирыдын.
14 Сынцәа, сугәаларшәа, сусқәагьы угәаларшәа, иухоумыршҭын уҩнахьы иаасырԥшыз гәыбылрала иҭәу абзиабара, иухоумыршҭын уа амаҵзура мҩаԥысларц азы иҟасҵаз аусқәа.
15 Урҭ амшқәа раан сара избон Иудеиа ауаа асабшаҽны ажьхәагаҿы ажь шырхәоз, ачарыци, аҩи, ажьи, алаҳаи, уҳәа убас иҵегьы, аҽадақәа ирықәҵаны, Иерусалимҟа ишааргоз, убри аҟынтә сара урҭ ргәырҽанысҵеит уи аҽны акгьы рымҭиларц*. 16 Ақалақь аҿы инхоз тираа аԥсыӡи еиуеиԥшым аҭитәқәеи ааганы, асабшаҽны аиудеиааи Иерусалим инхози иддыраахәон. 17 Сара иудеиатәи ауаа дуқәа срацәҳан, ус сҳәеит: «Абри аҩыза аиакәым шԥаҟашәҵо? Асабша шԥеилажәго? 18 Шәабацәа рабацәагьы убриоуп иҟарҵоз, уи иахҟьаны Ҳанцәа ари ақалақьи ҳареи абарҭ арыцҳарақәа ҳрықәиршәеит. Шәара асабша еилаганы, Анцәа израильаа еиҳагьы игәы рзыԥжәарц шәашьҭоуп».
19 Сара исҳәеит ахәлара иалагаанӡа, асабша ааиаанӡа, Иерусалим агәашә адыркларц, асабша ииасаанӡагьы иаадмыртларц. Иара убас агәашә аԥхьа смаҵуцәа шьоукы сыргылеит, асабшаҽны ақалақь ахь аҭитә ҳәа акгьы аарымгаларц азы. 20 Убри аҟынтә ахәаахәҭцәеи еиуеиԥшым аҭитәқәа зҭиуази знык акәу ҩынтә ракәу Иерусалим азааигәара аҵх рхыргеит. 21 Усҟан сара ргәырҽанысҵеит: «Аҭӡамҵ аҿы аҵх зышәхыжәгои? Даҽазнык убри аҩыза збар, снапы шьҭысхуеит, шәымахцә шәанкны шәкасцоит». Убри нахыс уаҳа асабшаҽны иааӡомызт.
22 Сара алевитцәа ирасҳәеит еснагь рҽыдрыцқьаларц, насгьы иааны агәашә рыхьчаларц, асабшатәи амш цқьаны иаанхаларц азы. Сугәаларшәа, Сынцәа, убри азгьы, срыцҳашьа, уара гәыбылрала иҭәу абзиабара дуӡӡа ааурԥшуеит.
23 Урҭ амшқәа раан сара иара убас еилыскааит аиудеиаа ашдо́даа рыԥҳацәеи, аммо́наа рыԥҳацәеи, моа́ваа рыԥҳацәеи ԥҳәысс ишыргоз. 24 Абжаҩык урҭ рыҷкәынцәа ашдо́даа рбызшәала ицәажәон, абжаҩык — егьырҭ ажәларқәа рбызшәала ицәажәон, ауриацәа рбызшәала аӡәгьы дцәажәаӡомызт. 25 Убри аҟынтә сара урҭ срацәҳауан, исшәиуан, шьоук сыпҟон, рыхцәқәа ыҵысхуан. Сара урҭ Анцәа ила исырқәит, абасгьы расҳәеит: «Шәыԥҳацәа урҭ рыҷкәынцәа ԥҳәысс ирышәымҭалан, шәыҷкәынцәа рзгьы урҭ рыԥҳацәа ԥҳәысс ишәымгалан. 26 Урҭ ирыхҟьаны акәӡами израильтәи аҳ Соломон агәнаҳа зыҟаиҵаз? Иара иҩыза аҳ дызмаз жәларыкгьы ыҟаӡам. Анцәа уи бзиа дибон, убри азоуп Израиль зегь аҳас дзахаиргылаз. Аха атәым жәлар иртәыз аҳәсақәа убриҵәҟьагьы агәнаҳа идырҟаҵеит. 27 Абри аҩыза ацәгьара дуӡӡа шԥаҟашәҵо? Атәым жәларқәа рҟынтә аҳәса ааганы Анцәа дышԥашәыԥсахуеи?»
28 Аԥшьаҩ хада Ельиаши́в иԥа Иоиа́да иԥацәа руаӡәк Бет-Хоро́н иатәыз Санвалла́т имаҳә иакәхеит, убри азы сара уи дыԥхасҵеит.
29 Сынцәа, иухоумыршҭын дара аԥшьаҩцәа рмаҵзура шырҟьашьыз, аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи, уареи ишәыбжьоуҵаз аиқәшаҳаҭра шеиларгаз*.
30 Сара ажәлар иртәымыз зегь аҟынтә исрыцқьеит, аԥшьаҩцәеи алевитцәеи дасу рмаҵзура инақәыршәаны адҵақәа рысҭеит, 31 ианаамҭоу амҿы ааргаларц, раԥхьатәи аҽаҩрагьы ааргаларц азы иаҭахыз зегь еиҿыскааит.
Сынцәа, сугәаларшәа, иҟасҵаз азы усзылԥха.
Иаанагоит «Иах угәы ирҭынчуеит».
Шәахәаԥш Ацҵа Б15.
Ма «шушантәи».
Ма «аҳҭынраҿы».
Мидо-Персиа анапаҵаҟа иҟаз апровинциа Иудеиа.
Ма «иуҭаз агәҽанҵара».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иацәшәо».
Шәахәаԥш Ацҵа Б15.
Евфрат анхыҵ иҟаз адгьылқәа.
Ма «аҳ ибна».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Анцәа инапы раз сыцын».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амаҵуҩы».
Ма «Агәам-сам».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рнапқәа дырӷәӷәеит».
Ма «Анцәа изыркит».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рыхәдаџьал рыҵарымкӡеит».
Ма «Агәам-сам».
445 м. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Иаанагоит «аканал». Уи аӡҭарчахьы аӡы зланеиуаз убри аканал ала акәын.
Иордан аԥшаҳәа аҟынтә Цоа́рынӡа ишьҭаз аҳабла.
Ма «анефине́ицәа». Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иаҭоу».
Ма «иуада».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «жәантә».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рышьҭахь игылан».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «атәыҩа». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Атәыҩа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «атәыҩа». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Атәыҩа».
Ма «ачаԥшь».
Ажәытәан аӡәы уалла ак анигоз, иуал ирхынҳәаанӡа амаҭәа ма даҽакы риҭон.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ашәктәи ахәҭа», есымза иршәоз процентк.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аизара зегьы». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Аизара; ауаажәларратә еилазаара».
Ма «Ус иагьыҟалааит!»
456 г. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Ма «ахә сшәон идырхиарц».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «снапқәа рӷәӷәа».
Шәахәаԥш Ацҵа Б15.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра шаанӡа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «израильтәи ахацәа».
Ма «ицқьаӡам ҳәа иԥхьаӡан, убри аҟынтә ԥшьаҩцәас амаҵ рзуӡомызт».
Ма «тирша́фа». Апровинциа анапхгаҩы имаз персиатәи атитул.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аизара зегь аҿы». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Аизара; ауаажәларратә еилазаара».
8,4 кг. Абжьааԥны адра́хма 8,4 г иҟаз персиатәи ахьтәы да́рик иаҟаран. Уи Абырзен Ҩырақәа рҿы зыӡбахә ҳәоу адра́хма акәӡам. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
168 кг. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
1,3 т раҟара. Ауриатә Ҩырақәа рҿы зыӡбахә ҳәоу амина 570 г иҟоуп.
1,1 т раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Израиль зегь».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аизара». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Аизара; ауаажәларратә еилазаара».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иԥсылоу».
Шәахәаԥш Ажәар.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амш аԥшьбатәи ахәҭа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҵабырг азакәанқәа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рыхәдаџьал дыркьакьеит».
Ма «згәы ҭбаау».
Ма «гәыбылрала иҭәу бзиабарала».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «удоуҳа бзиа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «узакәан рышьҭахьҟа идыршәит».
Ма «агәаларшәарақәеи».
Мамзаргьы иҟалап «аилкаара рылшартә еиԥш зықәра наӡахьаз».
Ма «рхы ршәиин, аҿаҭахьа рықәырҵеит». Иаанагон уи аҩыза аҿаҭахьа зқәызҵоз ауаҩы иҿаҭахьа наимыгӡар, мамзаргьы амц ҳәаны дқәыр, иқәнага дшақәдыршәоз.
Ма «ачаԥшь».
3,8 г. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Ма «иныҳәарҭаҿы».
Зыӡбахә цо ицқьам аԥстәқәа роуп ҳәа уҳәар алшоит.
Ма «акрыфарҭақәа».
Ма «аҵәахырҭаҿы иҟоу акрыфарҭақәа рахь».
Мамзаргьы иҟалап «рмаҵзура нагӡо игылан».
Ауриатә текст аҿы ахьӡ бжьажьзар ҟалап.
Ма «аԥышәа змаз ашәаҳәаҩцәа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҳабла». Иордан аԥшаҳәа аҟынтә Цоа́рынӡа ишьҭаз аҳабла.
Ма «ақалақьқәа рҿы иҟаз амхқәа».
Ма «зышьҭра еилаԥсаз».
Ма «ачаԥшьи».
Мамзаргьы иҟалап «уи аҽны ргәырҽанысҵеит акгьы рымҭиларц».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шырҟьашьыз».