Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • nwt Есфирь 1:1—10:3
  • Есфирь

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Есфирь
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Есфирь

ЕСФИРЬ

1 Ари ҟалеит Ахашверо́ш* ихаан (уи Индиа инаркны Ефиопианӡа* 127 провинциа знапаҵаҟа иҟаз Ахашверо́ш иакәын), 2 аҳ Ахашверо́ш Су́за* иҟаз абааш аҿы иаҳраҭыԥ* аҿы дантәаз. 3 Аҳра аниуаз ахԥатәи ашықәсазы иара иҭауадцәеи имаҵуцәеи рзы ачара иуит. Иара иахь инеит персиатәи аруаа реиҳабацәеи, мидиатәи аруаа реиҳабацәеи, ауаа дуқәеи, апровинциақәа рыҭауадцәеи. 4 Иара акырымш, 180 мшы дуӡӡа, хьӡи-ԥшеи змаз иаҳра амал-ашьал, аԥшӡара, абеиара дирбон. 5 Уи ашьҭахь аҳ Су́за иҟаз абааш аҿы зегьы рзы, ауаа дуқәа рзгьы анхацәа рзгьы, аҳҭынра абаҳчаҿы бжьымшы ицоз ачара иуит. 6 Ашҭа ырԥшӡан ақәни зыхә ҳаракыз абамбеи ирылхыз аԥардақәеи ажәҩанԥштәы змаз абеи рыла. Урҭ зыхә ҳаракыз абеи апурпурԥштәы змаз аласеи ирылхыз аҟаитанқәа рыла араӡны мацәазқәа идыркны амармалташьтә шьаҟақәа ирыкәыршан. Апорфири*, аперламутри, амармалташь еиқәаҵәеи амармалташь шкәакәеи ирылхыз адашьма ахьи араӡни ирылхыз ацәардаӷәқәа ықәгылан.

7 Аҩы ахьтәы ҵәцақәа ирҭарҭәон. Урҭ аки-аки еиԥшӡамызт. Аҩы аӡыхь еиԥш илеиуан, избанзар аҳ даара дбеиан. 8 Аха ажәра аӡәгьы идырцалаӡомызт. Уи аҳ ишьақәиргылаз ԥҟаран. Иара иаҳҭынраҿы имаҵ зуаз ачынуаа иреиҳәеит дасу ишиҭаху иҟаиҵаларц.

9 Уи аамҭазы аҳкәажә Вашти́ аҳ Ахашверо́ш иаҳҭынраҿы аҳәса рзы ачара луит.

10 Абыжьбатәи амш аҽны, аҳ Ахашверо́ш аҩы ахьижәыз азы игәалаҟазаара шьҭыҵны даныҟаз, быжьҩык имаҵ зуаз ачынуаа — Мегума́н, Би́зта, Харбо́на, Би́гта, Ава́гта, Зета́р, Карка́с — рнапы ианиҵеит 11 аҳкәажә Вашти́ аҳкәажә лхаҵа́ лхаҵаны дааргарц, лыԥшӡара ажәлари аҭауадцәеи ирбарц азы, избанзар лара даараӡа дыԥшӡан. 12 Аҳ ичынуаа аҳкәажә Вашти́ аҳ ииҳәаз ларҳәеит, аха лара ацара мап ацәылкит. Уи аҳ игәы ԥнажәеит, иԥсахгьы еибакит.

13 Аҳ ажәытәан ус еиԥш иҟоу аусқәа шеилдыргоз здыруаз* ауаа ҟәышқәа дрыдҵаалеит. (Аҳ есымша азакәани азини ибзианы издыруаз абжьгаҩцәа дрыдҵаалон. 14 Иара изааигәаз иабжьгаҩцәа Персиеи Ми́диеи иатәыз аҭауадцәа Карше́на, Шета́р, Адма́та, Тарши́ш, Мере́с, Марсе́на, Мемуха́н ракәын. Дара аҳ иахь анеира азин рыман, аҳра аҿгьы иреиҳаӡоу аҭыԥ ааныркылон.) 15 Иара дҵааит: «Азакәан инақәыршәаны, аҳкәажә Вашти́ аҳ Ахашверо́ш ичынуаа рыла илзынаицҳаз ажәа дахьықәымныҟәаз азы илзутәуи?»

16 Усҟан Мемуха́н аҳи аҭауадцәеи ус реиҳәеит: «Вашти́ аҳ Ахашверо́ш иҿаԥхьа мацара акәӡам ахара ахьлыду, Ахашверо́ш иаҳра иаҵанакуа апровинциақәа зегьы рҿы инхо аҭауадцәеи ажәларқәеи рҿаԥхьагьы ахара лыдуп. 17 Аҳкәажә иҟалҵаз аҳәса ианеилыркаалак, зегьы рхацәа пату рықәҵара иаҟәыҵуеит, иагьырҳәалоит: „Аҳ Ахашверо́ш аҳкәажә Вашти́ дааргарц адҵа ҟаиҵеит, аха лара дымцаӡеит“. 18 Персиеи Ми́диеи инхо аҭауадҳәсақәа аҳкәажә иҟалҵаз анеилыркаалак, даргьы аҳ иҭауадцәа убас рацәажәара иалагоит, уи зехьынџьара агәынамӡара цәырнагоит, апатуқәҵара аарԥшрагьы иаҟәыҵуеит. 19 Аҳ иҭахызар, аусԥҟа ҭижьааит, уи ԥсахра зқәым персиатәии мидиатәии азакәанқәа ирнылааит, аҳкәажә Вашти́ уаҳа ахаан аҳ Ахашверо́ш иахь дышзымнеиуа иазку аусԥҟа. Аҳ аҳкәажә лхаҭыԥан еиҳа иаԥсоу аԥҳәыс далихааит. 20 Аҳ иусԥҟа иаҳра ду аҿы зегьы ианрыларҳәалак, аҳәса зегьы рхацәа пату рықәырҵо иалагоит, ауаа дуқәагьы, анхацәагьы».

21 Уи аҳи аҭауадцәеи иргәаԥхеит, аҳгьы Мемуха́н ишиҳәаз еиԥш зегь ҟаиҵеит. 22 Иара аҳра иаҵанакуаз апровинциақәа зегь рахь асаламшәҟәқәа ишьҭит, провинциацыԥхьаӡеи жәларыцыԥхьаӡеи дара ирымаз аҩыра алеи излацәажәоз абызшәа алеи. Урҭ асаламшәҟәқәа рҿы иҳәан ахаҵа иҩнаҭаҿы даԥшәымазар* шихәҭоу, ижәлар рбызшәала дцәажәаларгьы шакәу*.

2 Аамҭа анца, аҳ Ахашверо́ш игәыԥжәара анеиқәтәа, Вашти́ иҟалҵази лус шыӡбахази игәалашәеит. 2 Усҟан аҳ имаҵ зуаз ачынуаа ус рҳәеит: «Изырыԥшааит аҳ ахаҵа дзымбац иԥшӡоу аҭыԥҳацәа. 3 Иалихааит аҳ иаҳҭынра аҵаҟа иҟоу апровинциақәа зегьы рҿы зыгәра иго ауаа. Дара иԥшӡоу аҭыԥҳацәа сузатәи абааш аҿы еизыргааит, аҳәса рыҩнаҿы*. Урҭ аҳ иаҳҭынраҿы аҳәса зыхьчо аевнух Гега́и дырхылаԥшлааит, иара убас акосметикатә процедурақәа* рзыҟарҵалааит. 4 Аҳ зегь раасҭа игәаԥхо аӡӷаб Вашти́ лҭыԥан даҳкәажәхааит». Аҳ иаҳаз игәаԥхан, убас иагьыҟаиҵеит.

5 Сузатәи абааш аҿы дыҟан уриак*, Вениамин ишьҭра иатәыз Мардохе́и зыхьӡыз хаҵак. Иара Киш иԥа Шиме́и иԥа Иаи́р иԥа иакәын. 6 Уи вавилонтәи аҳ Навуходоно́сор Иерусалимынтәи дытҟәаны дигеит, иудеиатәи аҳ Иехо́ниеи егьырҭ ауааи тҟәаны ианигоз. 7 Мардохе́и иаб иашьа иԥҳа Гада́сса*, даҽакала иуҳәозар Есфи́рь, диааӡон, избанзар лара ангьы длымамызт, абгьы длымамызт. Есфи́рь лҭаацәа анԥсы, Мардохе́и уи ааӡара дигеит. Уи аӡӷаб зегь рыла деинаалан, даараӡа дыԥшӡан. 8 Аҳ иусԥҟа зегьы ианрыларҳәа, сузатәи абааш аҿы аӡӷабцәа рацәаҩны еизырган, аҳәса ирхылаԥшуаз Гега́и инапы ианырҵеит. Есфи́рьгьы аҳҭынрахьы днаргеит.

9 Гега́и Есфи́рь дигәаԥхеит, иразрагьы* лырҳаит, убри аҟынтә иара иаразнак адҵа ҟаиҵеит акосметикатә процедурақәа лзыҟарҵаларц, фатәыс илырҭалашагьы реиҳәеит. Иара убас аҳ иҩны аҟынтә быжьҩык аӡӷабцәа лзалихын, ларгьы даргьы аҳәса рыҩнаҿы иҟаз иреиӷьыз аҭыԥ ахь ииаигеит. 10 Есфи́рь лыжәлари лҭынхацәеи рыӡбахә аӡәгьы иалҳәаӡомызт, избанзар Мардохе́и ибымҳәан ҳәа леиҳәеит. 11 Мардохе́и Есфи́рь дшыҟоу, насгьы лгәы бзиоу-ибзиаму еиликаарц азы аҳәса рыҩны ашҭа аԥхьа есыҽны днеиааиуан.

12 Аӡӷабцәа зегьы 12 мзы иақәнагаз акосметикатә процедурақәа рзыҟарҵон. Уи ашьҭахь зегьы аӡәаӡәала аҳ Ахашверо́ш иахь иҩналон. Дара фымз амассаж амирра иалхыз ахәша ала ирзыҟарҵон, фымз — афҩы хаа змаз аҳаскьын иалхыз ахәшеи егьырҭ ахәшақәеи рыла. 13 Уи ашьҭахь аӡӷаб аҳ иахь аҩналаразы дмазеин. Аӡӷаб аҳәса рыҩны аҟынтә аҳ иҩныҟа данцоз, иаалҳәоз зегь лырҭон. 14 Ахәылбыҽха лара аҳ иахь дыҩналон, ашьыжь — аҳҭынраҿы аҳәса ирхылаԥшуаз аевнух Шаашга́з инапы ианыз аҳәса рзы иҟаз аҩбатәи аҩнахьы дцон. Лара уаҳа аҳ иахь дыҩналаӡомызт. Аха даараӡа дигәаԥхазҭгьы, длыԥхьар илшон.

15 Уажәшьҭа Мардохе́и иаб иашьа Авихаи́л иԥҳа — Мардохе́и ааӡара иигаз Есфи́рьгьы — аҳ иахь аҩналаразы дмазеин. Лара дзыҳәаз аҳҭынраҿы аҳәса ирхылаԥшуаз аевнух Гега́и илабжьигаз заҵәык ауп. (Есфи́рь дызбоз зегьы дыргәаԥхон.) 16 Ажәабатәи амзазы, теве́т* амзазы, Ахашверо́ш аҳра аниуаз абыжьбатәи ашықәсазы, Есфи́рь аҳҭынрахьы днаргеит. 17 Аҳ Есфи́рь егьырҭ аҳәса зегь раасҭа бзиа дибеит. Иара уи даара дигәаԥхон, егьырҭ аӡӷабцәа зегь раасҭа лыхә ҳаракны ишьон*. Иара Есфи́рь аҳкәажә лхаҵа лхеиҵан, Вашти́ лҭыԥан даҳкәажәны дҟаиҵеит. 18 Аҳ иҭауадцәеи имаҵуцәеи зегьы рзы ачара ду иуит, лымкаала Есфи́рь лзы. Иара апровинциақәа зегьы рҿы ахақәиҭра* рылеиҳәеит, аҳ ишиаҭәаз еиԥшгьы аҳамҭақәа ҟаиҵеит.

19 Аӡӷабцәа* еиҭах ианеизыргоз, Мардохе́и аҳҭынра агәашә аҿы дтәан*. 20 Есфи́рь лыуацәеи лыжәлари рыӡбахә аӡәгьы изеиҭалҳәаӡомызт, Мардохе́и ишлеиҳәаз еиԥш. Лара анаҩсгьы Мардохе́и дизыӡырҩуан, даниааӡоз ишыҟалҵоз еиԥш.

21 Мардохе́и аҳҭынра агәашә аҿы дантәаз амшқәа рзы аҳ ичынуаа Бигта́ни Тере́ши, агәашәхьчаҩцәа ҩыџьа, аҳ Ахашверо́ш игәаӷ ркын, дыршьырц рыӡбеит. 22 Аха Мардохе́и уи еиликаан, иаразнак аҳкәажә Есфи́рь илзеиҭеиҳәеит, ларгьы Мардохе́и ииҳәаз ҳәа инаганы аҳ зегь изеиҭалҳәеит. 23 Аус ҭырҵааит. Ус ишыҟаҵәҟьаз анышьақәырӷәӷәаха, урҭ ҩыџьа ахацәа ашьаҟа икыдҵаны иршьит. Уи зегь аҳ ишибоз аҭоурыхқәа рышәҟәы ианырҵеит.

3 Аамҭак ашьҭахь аҳ Ахашверо́ш Ага́г ишьҭра иатәыз Хаммеда́та иԥа Ама́н аҭауадцәа зегьы дырхаиргылан, дҳареикит. 2 Аҳҭынра агәашә аҿы иҟаз аҳ имаҵуцәа зегьы Ама́н иҿаԥхьа ихырхәон, ишьамхышгыланы иеихырхәон, избанзар аҳ убри аҩыза адҵа ҟаиҵеит. Аха Мардохе́и Ама́н иҿаԥхьа дхырхәаӡомызт, дшьамхышгылангьы диеихырхәаӡомызт. 3 Аҳҭынра агәашә аҿы иҟаз аҳ имаҵуцәа Мардохе́и иазҵааит: «Аҳ идҵа узықәымныҟәои?» 4 Дара есыҽны убас иазҵаауан, аха иара урҭ дырзыӡырҩӡомызт. Мардохе́и урҭ дшауриаз реиҳәеит. Усҟан дара Ама́н Мардохе́и ицәгьа иарҳәеит, Мардохе́и анаҩсгьы ус аҟаҵара азин ирҭоу-ирымҭоу рбарц азы.

5 Ама́н ианиба Мардохе́и иҿаԥхьа дшымхырхәо, дшьамхышгылангьы дшимеихырхәо, иԥсахы еибакит. 6 Ама́н Мардохе́и жәларыс дызтәыз изеиҭарҳәеит, убри аҟынтә иара заҵәык ишьра азхаӡом ҳәа иӡбеит. Иара Мардохе́и ижәлар зегьы — Ахашверо́ш иаҳраҿы иҟаз ауриацәа зегьы — рықәхра дашьҭалеит.

7 Актәи амзазы, ниса́н* амзазы, Ахашверо́ш аҳра аниуаз жәаҩатәи ашықәсазы, Ама́н иҿаԥхьа апур ҭарыԥсеит (аҵәы ҭарыԥсеит), амши амзеи алырхырц азы. Аҵәы жәаҩатәи амза, амза ада́р*, иақәшәеит. 8 Ама́н аҳ Ахашверо́ш ус иеиҳәеит: «Уаҳра иаҵанакуа апровинциақәа зегьы рҿы инхо ажәларқәа иԥсаҟьаны ирыланхо жәларык ыҟоуп. Дара рзакәанқәа егьырҭ ажәларқәа рзакәанқәа иреиԥшӡам, аҳ изакәанқәагьы ирықәныҟәаӡом. Аҳ уи ус иаанижьыр ҟалаӡом. 9 Аҳ иҭахызар, урҭ рықәхразы аусԥҟа рҩааит. Сара ачынуаа аҳ ихазынаҭра иҭарҵарц азы 10 000 талантк* араӡны рысҭоит*».

10 Усҟан аҳ амҳәыр змаз имацәаз инапы иаахихын, ауриацәа раӷа, Ага́г ишьҭра иатәыз Хаммеда́та иԥа Ама́н, ииҭеит. 11 Нас ус иҳәеит: «Ари ажәларгьы уара иусҭоит, рраӡныгьы уара иусҭоит, иуҭаху рызуы». 12 Актәи амза жәахатәи амш аҽны аҳ имаӡаныҟәгаҩцәа ирыԥхьеит. Дара провинциацыԥхьаӡеи жәларыцыԥхьаӡеи дара рҩыра алеи рбызшәа алеи Ама́н аҳ исатрапцәеи*, апровинциақәа рнапхгаҩцәеи, еиуеиԥшым ажәларқәа рыҭауадцәеи дҵас ириҭаз зегь анырҵеит. Асаламшәҟәқәа аҳ Ахашверо́ш ихьӡала иҩын, аҳ имацәаз ала амҳәыргьы аархан.

13 Урҭ асаламшәҟәқәа ацҳаражәҳәаҩцәа рыла аҳра иаҵанакуаз апровинциақәа зегь рахь ирышьҭит, иазалхыз амш аҽны, жәаҩатәи амза, амза адар, жәахатәи амш аҽны ауриацәа зегьы — иқәыԥшугьы, зықәрахь инеихьоугьы, ахәыҷқәагьы, аҳәсагьы — ршьырц, иқәырхырц, индырҵәарц, рмазарагьы еимырҵәарц. 14 Асаламшәҟәқәа ирныз апровинциақәа зегьы рзы закәанын. Уи ажәларқәа зегьы ирыларҳәар акәын, уи амш рҽазыҟарҵарц азы. 15 Ацҳаражәҳәаҩцәа, аҳ ишрыдиҵаз еиԥш, иаразнак амҩа иқәлеит. Уи азакәан сузатәи абааш аҿгьы ирыларҳәеит. Аҳи Ама́ни тәаны ажәра иалагеит, Су́за ақалақь аҿы инхоз ауаа ракәзар, иҟалаз рзеилымкаауа еилан.

4 Мардохе́и уи анеиликаа, имаҭәа ишәхаԥижәан, аџьабарамаҭәа* ишәиҵеит, ихгьы ахәа ақәиԥсеит. Нас ибжьы ҭыганы дҵәыуо, длаӷырӡышо ақалақь ахь дцеит. 2 Иара аҳҭынра агәашә аҟынӡа ауп дахьнеиз, избанзар аџьабарамаҭәа ушәҵаны аҳҭынра агәашә уҭалар ҟалаӡомызт. 3 Аҳ иусԥҟа ахьнеиуаз апровинциақәа зегьы рҿы ауриацәа даараӡа игәырҩон. Дара чгон, иҵәыуон, иқьызқьызуа иҵәыуон. Аџьабарамаҭәеи ахәеи илатәаз рацәаҩын. 4 Аҳкәажә Есфи́рь лымаҵ зуаз аҳәсақәеи аевнухцәеи ааины зегь анылзеиҭарҳәа, илаҳаз даараӡа лгәы лнархьит. Есфи́рь Мардохе́и аџьабарамаҭәа аҭыԥан ишәиҵаша амаҭәа изылышьҭит, аха иара иҭахымхаӡеит. 5 Усҟан Есфи́рь лымаҵ зуаз аевнух Хата́х даалыԥхьан, Мардохе́и иахь дцаны иҟалаз еиликаарц иалҳәеит.

6 Хата́х аҳҭынра агәашә аԥхьа иҟаз ақалақь ашҭаҿы итәаз Мардохе́и иахь дцәырҵит. 7 Мардохе́и уи иҟалаз изеиҭеиҳәеит, насгьы Ама́н ауриацәа рықәхразы аҳ ихазынаҭра шаҟа аԥара ҭеиҵар иҭаху иеиҳәеит. 8 Иара убас Мардохе́и уи Су́за ирылаҳәаз ауриацәа рықәхра атәы зҳәоз аусԥҟа зныз асаламшәҟәы ииҭеит. Аевнух уи аусԥҟа Есфи́рь илирбар акәын, зегь лзеиҭеиҳәар акәын, насгьы аҳ иахь дцаны, сыжәлар рыцҳашьа ҳәа диҳәар шлыхәҭоу леиҳәар акәын.

9 Хата́х Есфи́рь лахь даан, Мардохе́и ииҳәаз лзеиҭеиҳәеит. 10 Есфи́рь Хата́х Мардохе́и абас сызиаҳә ҳәа иалҳәеит: 11 «Аҳ имаҵуцәа зегьы, иара убас аҳҭынра иаҵанакуа апровинциақәа рҿы инхо ауаа, дарбанзаалак дхаҵоума дыԥҳәысума, ирдыруеит ааԥхьара имамкәа аҳ иахь днеирц азы аҩныҵҟатәи ашҭа иҭало изыԥшу акызаҵәык шакәу — аԥсра. Аҳ ихьтәы лабашьа иара иахь ирххар, убасҟан ауп уи ауаҩ иԥсы ҭаны дынхар анилшо. Сара сакәзар, аҳ ааԥхьара симҭеижьҭеи абар уажәшьҭа 30 мшы ҵуеит».

12 Мардохе́и Есфи́рь илҳәаз аниарҳәа, 13 ус лзынаицҳаит: «Бгәы иаанамган аҳҭынраҿы быҟоуп ҳәа егьырҭ ауриацәа ирыхьуа бара ибыхьӡом ҳәа. 14 Бара ҿыбымҭыр, уеизгьы ауриацәа ацхыраара рызҭаша дҟалоит, иагьеиқәирхоит. Баб иҩнаҭеи бареи шәҭахоит. Издыруада, уи азы акәзар баҳкәажәны бзыҟалаз?»

15 Есфи́рь Мардохе́и ус иалҳәеит: 16 «Су́за иҟоу ауриацәа зегьы еизганы, саҳаҭыразы шәычгала. Хымш уахи-ҽни акрышәымфалан, акрышәымжәлан. Саргьы сымаҵ зуа аҳәсақәеи сареи ҳачгалоит, нас аҳ иахь сцоит, уи закәанла ишыҟамлогьы. Уи азы сыԥсуазаргьы сыԥсааит». 17 Мардохе́и дцан, Есфи́рь ишылҳәаз еиԥш зегь ҟаиҵеит.

5 Ахымш рыҽны Есфи́рь аҳкәажә лымаҭәа лышәҵаны, аҳҭынра аҭаларҭа аԥхьа аҩныҵҟатәи ашҭаҿы днеины дгылеит, аҳ иакәзар, ихан аҩналарҭахь иҿы рханы иаҳраҭыԥ аҿы дтәан. 2 Аҳ аҳкәажә Есфи́рь ашҭаҿы даниба, лбара деигәырӷьан, иикыз ихьтәы лабашьа лара лахь ирххеит. Есфи́рьгьы днеин, илабашьа ахы далакьысит.

3 Аҳ длазҵааит: «Акыр ҟалама, аҳкәажә Есфи́рь? Акыр бҭахума? Саҳра абжа баҳәаргьы, ибыҭахоит!» 4 Есфи́рь илҳәеит: «Аҳ игәы иаҭаххозар, Ама́н диманы иахьа изсырхиаз ачарахь днеиааит». 5 Усҟан аҳ имаҵуцәа адҵа риҭеит: «Ама́н ирласны уааи ҳәа изынашәыцҳа, Есфи́рь ишылҳәаз еиԥш иҟаҳҵарц азы». Нас аҳ Ама́ни иареи Есфи́рь илырхиаз ачарахь ицеит.

6 Ачараҿы аҩы анрыдыргалоз аамҭазы аҳ Есфи́рь ус длазҵааит: «Аҳәарас иҟабҵои? Быҳәара нагӡахоит! Быззыҳәои? Саҳра абжа баҳәаргьы, ибысҭоит!» 7 Есфи́рь илҳәеит: «Аҳәарас иҟасҵо абри ауп: 8 аҳ иразра саԥсазар, сыҳәарагьы анагӡара дазхиазар, аҳ Ама́ни иареи уаҵәы изуа ачарахь инеиааит. Сара сыззыҳәарц исҭаху уаҵәы исҳәоит».

9 Уи аҽны Ама́н дгәырӷьаҵәа, игәы ҭгәырӷьаауа ачара аҟынтә дцеит. Аха аҳҭынра агәашә аҿы Мардохе́и даниба, ианиба уи дшихамҵгылаз, дшицәымшәаз, иԥсахы еибакит. 10 Аха Ама́н иҽникылан, аҩныҟа дцеит. Нас иҩызцәеи иԥҳәыс Зере́ши ааргарц азы адҵа ҟаиҵеит. 11 Иара имал ду алаҽхәара далагеит, ирацәаҩны аԥацәа ахьимоугьы дахыҽхәон, аҳ иҭауадцәеи имаҵуцәеи зегьы дахьырхаиргылаз аҽхәара даҿын.

12 Ама́н иациҵеит: «Уимоу, аҳкәажә Есфи́рь илуа ачарахь аҳи сареи ҳауп иаалыԥхьаз, уаҵәгьы аҳи сареи лара лахь ааԥхьара ҳамоуп. 13 Аха ауриа Мардохе́и аҳҭынра агәашә аҿы дыштәоу анызбо, сгәырӷьара ныҵаба ицоит». 14 Усҟан иԥҳәыс Зере́ши иҩызцәеи ус иарҳәеит: «50 мышьхәылҵ* иҟоу ашьаҟа дыргыларц адҵа ҟаҵа. Ашьыжь аҳ уиҳәа, уи ашьаҟаҿы Мардохе́и дыкнарҳарц. Нас аҳ уицны ҭынч ачарахь уца». Ама́н иаҳаз игәаԥхан, ашьаҟа дыргыларц адҵа ҟаиҵеит.

6 Уи ауха аҳ ицәа ҟьалан, дзыцәомызт. Убри аҟынтә аҭоурыхқәа рышәҟәы ааргарц адҵа ҟаиҵан, изаԥхьеит. 2 Уа ианын Мардохе́и аҳ ичынуаа Бигта́ни Тере́ши, агәашәхьчаҩцәа ҩыџьа, аҳ Ахашверо́ш дыршьырц шырҭахыз шиҳәаз. 3 Аҳ дҵааит: «Изыҟарҵеи уи азы Мардохе́и? Акыр ианаршьама?» Аҳ имаҵ зуаз ичынуаа ус рҳәеит: «Акгьы изыҟарымҵаӡеит».

4 Аҳ дҵааит: «Иҟада уажәы ашҭаҿы?» Уи аамҭазы аҳ ихан адәахьтәи ашҭаҿы Ама́н дгылан. Иара аҳ иахь дааит, иргылаз ашьаҟаҿы Мардохе́и дыкнарҳарц азы диацәажәарц. 5 Аҳ имаҵуцәа ус рҳәеит: «Ашҭаҿы Ама́н дгылоуп». Аҳ иҳәеит: «Даиааит арахь».

6 Ама́н данааи, аҳ ус диазҵааит: «Изыҟаҵатәуи аҳ хьӡи-ԥшеи зиҭар иҭаху ауаҩы?» Ама́н ус дхәыцит: «Сара саасҭа аҳ хьӡи-ԥшеи зиҭар иҭахыда?» 7 Убри аҟынтә иҳәеит: «Аҳ аӡәыр хьӡи-ԥшеи ииҭар иҭахызар, 8 аҳ ишәиҵо амаҭәа ааргааит, иара убас зхы арԥшӡагақәа рыла ирԥшӡоу аҳ дзықәтәоу аҽгьы ааргааит. 9 Амаҭәеи аҽи еицырдыруа аҭауадцәа руаӡәк ирҭааит, аҳ хьӡи-ԥшеи зиҭар иҭаху ауаҩы деилаҳәаны, аҽы дақәыртәаны, ақалақь ашҭа иқәсааит, рыбжьы ҭыганы абас ҳәо: „Абар аҳ хьӡи-ԥшеи зиҭар иҭаху ауаҩы изыҟарҵо!“» 10 Усҟан аҳ Ама́н ус иеиҳәеит: «Ирласны амаҭәа ганы, аҽгьы ганы, убри зегьы аҳҭынра агәашә аҿы итәоу ауриа Мардохе́и изыҟаҵа. Ишуҳәаз еиԥш иҟаҵа, акымзарак нумыжьын».

11 Ама́н амаҭәеи аҽи иган, Мардохе́и дааилеиҳәан, аҽы дақәыртәаны ақалақь ашҭа дықәсит, ибжьы ҭыганы абас ҳәо: «Абар аҳ хьӡи-ԥшеи зиҭар иҭаху ауаҩы изыҟарҵо!» 12 Уи ашьҭахь Мардохе́и аҳҭынра агәашә ахь дхынҳәит, Ама́н иакәзар, ихы хҩаны, игәы каҳаны, дыццакыццакуа аҩныҟа дцеит. 13 Ама́н дзықәшәаз иԥҳәыс Зере́ши иҩызцәеи ианырзеиҭеиҳәа, иабжьгаҩцәеи* иԥҳәыси ус иарҳәеит: «Зҿаԥхьа акаҳара уалагаз Мардохе́и дауриазар, уи узииааиӡом, хымԥада иҿаԥхьа укаҳауеит».

14 Урҭ анеицәажәоз аамҭазы аҳ ичынуаа ааин, Ама́н Есфи́рь илуз ачарахь дыргеит.

7 Аҳи Ама́ни аҳкәажә Есфи́рь илуз ачарахь иааит. 2 Аҩы аныржәуаз, аҳ еиҭа Есфи́рь ус длазҵааит: «Аҳәарас иҟабҵои? Быҳәара нагӡахоит! Быззыҳәои? Саҳра абжа баҳәаргьы, ибысҭоит!» 3 Аҳкәажә Есфи́рь ус лҳәеит: «Аҳ иразра саԥсазар, аҳ игәы иаҭахызар, суҳәоит, сыԥсы еиқәырха, сыжәларгьы рыцҳашьа. 4 Сыжәлари сареи ҳарҭиит. Маҵуцәас ҳарҭиизҭгьы, акгьы сҳәаӡомызт, аха ҳаршьырц, ҳақәырхырц, ҳандырҵәарц азоуп ҳзырҭииз. Уи аҩыза ҟалар ҟалаӡом, мамзар аҳ ааха ӷәӷәа иоуеит».

5 Аҳ Ахашверо́ш аҳкәажә Есфи́рь ус длазҵааит: «Изгәаӷьыда уи аҩыза? Дабаҟоу иара?» 6 Есфи́рь илҳәеит: «Ҳазцәымӷу ҳаӷа абри ауаҩы цәгьа Ама́н иоуп».

Ама́н аҳи аҳкәажәи дрыцәшәан, аҵыс-ҵысра далагеит. 7 Аҳ иԥсахы еибакын, дҩагылан, аҳҭынра абаҳчахь ддәылҵит. Ама́н иакәзар, аҳ иқәнага дақәиршәарц шиӡбаз еиликаан, дӷьаҵәыӷьаҵәуа аҳкәажә Есфи́рь дрыцҳалшьарц лыҳәара далагеит. 8 Аҳ аҩы ахьыржәуаз даныхынҳә, Ама́н Есфи́рь лцәардаӷәы иҽшықәижьыз ибеит. Аҳ ҿааиҭит: «Ари сыҩнаҭаҿы аҳкәажә амш лылигарцгьы иҭахуп!» Убри аниҳәа ашьҭахь Ама́н иаразнак ихы-иҿы хырҩеит*. 9 Аҳ ичынуаа руаӡәк, Харбо́на, ус иҳәеит: «Ама́н иҩны азааигәара 50 мышьхәылҵ иҟоу ашьаҟа гылоуп. Ама́н уи аҳ игәиҽанҵаны деиқәзырхаз Мардохе́и изы иргылеит». Аҳ иҳәеит: «Убра иара дыкнашәҳа». 10 Ама́н Мардохе́и изы иргылаз ашьаҟаҿы иара дыкнарҳаит. Усҟан аҳ игәыԥжәара еиқәтәеит.

8 Уи аҽны аҳ Ахашверо́ш ауриацәа раӷа Ама́н имазара зегьы аҳкәажә Есфи́рь илиҭеит. Есфи́рь Мардохе́и дышлыуоу аҳ изеиҭалҳәеит, иаргьы аҳ иахь днеит. 2 Аҳ Ама́н имиххьаз амҳәыр змаз имацәаз инапы иаахихын, Мардохе́и ииҭеит. Есфи́рь Мардохе́и Ама́н имазара дахалыргылеит.

3 Есфи́рь еиҭа аҳ иацәажәара лгәаӷьит. Лара ишьапаҿы дшьамхышгыланы, дҵәыуо, дӷьаҵәыӷьаҵәуа диҳәон Ага́г ишьҭра иатәыз Ама́н иҟаиҵаз ириашарц, насгьы ауриацәа рықәхразы имаз игәҭакы еилеигарц. 4 Аҳ Есфи́рь лахь ихьтәы лабашьа ирххеит. Есфи́рьгьы лҽаашьҭылхын, аҳ иаԥхьа дгылеит. 5 Лара илҳәеит: «Аҳ игәы иаҭахызар, уи иашоуп ҳәа иԥхьаӡозар, иразреи ирыцҳашьареи саԥсазар, аҳра иаҵанакуа апровинциақәа зегьы рҿы инхо ауриацәа рықәхра згәы иҭазкыз Ага́г ишьҭра иатәыз Хаммеда́та иԥа Ама́н ииҩыз аԥырызхуа аусԥҟа ҩны иҭыҵааит. 6 Сыжәлар зықәшәо арыцҳара сышԥахәаԥшло, сышԥахәаԥшло сҭынхацәа шықәырхуа?»

7 Аҳ Ахашверо́ш аҳкәажә Есфи́ри ауриа Мардохе́ии ус реиҳәеит: «Сара Ама́н имазара Есфи́рь илысҭеит, иара иакәзар, ауриацәа рылакьысра ахьигәаӷьыз азы ашьаҟаҿы дыкнасҳаит. 8 Уажәшьҭа шәара аҳ ихьӡала иахәҭоуп ҳәа ишәыԥхьаӡо, ауриацәа ирыцхраауеит ҳәа ишәыԥхьаӡо ҩны, аҳ имацәаз амҳәыр аашәырхар шәылшоит. Аҳ ихьӡала иҩу, насгьы аҳ имацәаз амҳәыр заархо аусԥҟа аԥыхра ҟалаӡом».

9 Усҟан ахԥатәи амза, амза сива́н* ҩажәеихԥатәи амш аҽны аҳ имаӡаныҟәгаҩцәа еизыргеит. Дара Мардохе́и ауриацәеи, Индиа инаркны Ефиопианӡа 127 провинциа ирхагылаз асатрапцәеи*, анапхгаҩцәеи, аҭауадцәеи ирыдиҵаз рҩит, провинциацыԥхьаӡеи жәларыцыԥхьаӡеи дара рҩыра алеи рбызшәа алеи, ауриацәа рзгьы дара рҩыра алеи рбызшәа алеи.

10 Мардохе́и аҳ Ахашверо́ш ихьӡала асаламшәҟәқәа иҩын, аҳ имацәаз амҳәыр аарханы ацҳаражәҳәаҩцәа ирыҭаны ишьҭит. Дара аҳ иҽҭра аҟынтә иласыз аҽқәа ирықәтәаны ицеит. 11 Асаламшәҟәқәа рҿы иҳәан аҳ ауриацәа азин шриҭо ақалақьқәа зегьы рҿы еизаны рхы ахьчара, жәларыцыԥхьаӡа, провинциацыԥхьаӡа бџьарла ирықәло ауаа рышьра, рықәхра, рнырҵәара, аҳәсақәагьы ахәыҷқәагьы налаҵаны, рмазара аимҵәара. 12 Уи азы аҳ Ахашверо́ш иаҳра иаҵанакуаз апровинциақәа зегьы рҿы мышкы алхны иҟан — жәаҩатәи амза, амза ада́р* жәахатәи амш. 13 Асаламшәҟәқәа ирныз апровинциақәа зегьы рзы изакәанын, уи ажәларқәа зегьы ирылаҳәатәын, убри аҽны ауриацәа раӷацәа ирҿагыланы ршьа аура иазхиазарц азы. 14 Ацҳаражәҳәаҩцәа аҳ иҽҭра аҟынтә иласыз аҽқәа ирықәтәаны, аҳ ишиҳәаз еиԥш, иаразнак амҩа иқәлеит. Уи азакәан сузатәи абааш аҿгьы ирылаҳәан.

15 Мардохе́и ииаҵәа-шкәакәаз аҳ имаҭәа ишәҵаны, ахьтәы гәыргьын ду ихаҵаны, апурпурԥштәы змаз аласалыхла иҟаҵаз аба цқьа иалхыз ашәхарԥа ишәҵаны аҳ иҟынтә ддәылҵит. Су́за ақалақь агәырӷьара ду аман. 16 Ауриацәа агәыӷра* роуит. Дара гәырӷьон, аныҳәа азгәарҭон, ажәларгьы ҳаҭыр рықәырҵон. 17 Аҳ иусԥҟа, изакәан, ахьнеиуаз апровинциақәеи ақалақьқәеи зегьы рҿы ауриацәа гәырӷьон, ачара руан. Еиуеиԥшым ажәларқәа рҟынтә имаҷымкәа ауаа* ауриацәа рхаҵара рыдыркылеит, избанзар дара урҭ рҿаԥхьа ашәара рызцәырҵит.

9 Жәаҩатәи амза, амза ада́р*, жәахатәи амш аҽны аҳ иусԥҟа, аҳ изакәан, анагӡара аамҭа анааи, аӷацәа ауриацәа ириааиуеит ҳәа иангәыӷуаз аҽны, зегь даҽакала иҟалеит, ауриацәа изцәымӷыз ириааит. 2 Ахашверо́ш иаҳра иаҵанакуаз апровинциақәа зегь рҿы ауриацәа рықалақьқәа рҿы еизеит, ацәгьара рзызур зҭахыз зегь ршьырц азы. Аӡәгьы илшаӡомызт ауриацәа рҿагылара, избанзар ажәларқәа зегьы урҭ ирыцәшәон. 3 Апровинциақәа рыҭауадцәа зегьы, иара убас асатрапцәеи*, анапхгаҩцәеи, аҳ иусқәа знапы алакызи ауриацәа ирыцхраауан, избанзар Мардохе́и ицәшәон. 4 Мардохе́и амчра ду иоуит, апровинциақәа зегьы рҿы деицырдыруа дҟалеит, избанзар аҳҭынраҿы имчра еиҳа-еиҳа иазҳауан.

5 Ауриацәа аҳәа ала раӷацәа зегь ршьит, иқәырхит, индырҵәеит, ишырҭахыз еиԥш изцәымӷыз ирызныҟәеит. 6 Ауриацәа сузатәи абааш аҿы 500-ҩык ауаа ршьит. 7 Урҭ рыдагьы ишьын Паршанда́теи, Далфо́ни, Аспа́теи, 8 Пора́теи, Ада́лиеи, Арида́теи, 9 Парма́штеи, Ариса́ии, Арида́ии, Ваиза́теи 10 (Хаммеда́та иԥа Ама́н, ауриацәа раӷа, иԥацәа 10-ҩык). Ауриацәа урҭ ауаа зегь ршьит, аха рмазара иаламкьысӡеит.

11 Уи аҽны аҳ иарҳәеит сузатәи абааш аҿы шаҟаҩы ршьыз.

12 Аҳ аҳкәажә Есфи́рь ус леиҳәеит: «Сузатәи абааш аҿы ауриацәа 500-ҩык ауааи 10-ҩык Ама́н иԥацәеи ршьызар, аҳра иаҵанакуа егьырҭ апровинциақәа рҿы шаҟаҩ ршьи? Уаҳа бгәы ззыҳәои? Ибыҭахоит. Иҵегь аҳәарас ибымои? Быҳәара нагӡахоит». 13 Есфи́рь ус иалҳәеит: «Аҳ игәы иаҭахызар, ауриацәа азин рыҭ сузатәи абааш аҿы уаҵәгьы, иахьа еиԥш, уи аусԥҟа иқәныҟәарц. 10-ҩык Ама́н иԥацәа ракәзар, ашьаҟаҿы икнарҳааит». 14 Аҳ убас иагьыҟарҵарц адҵа ҟаиҵеит. Су́за аусԥҟа рылаҳәан, 10-ҩык Ама́н иԥацәа ашьаҟаҿы икнаҳан.

15 Ада́р амза жәиԥшьтәи амш аҽны Су́за инхоз ауриацәа еиҭа еизан, уа 300-ҩык ауаа ршьит, аха рмазара иаламкьысӡеит.

16 Аҳра иаҵанакуаз апровинциақәа рҿы инхоз егьырҭ ауриацәагьы еизеит, рыԥсҭазаара рыхьчарц азы. Дара 75 000-ҩык изцәымӷыз раӷацәа ршьит, аха рмазара иаламкьысӡеит. 17 Уи ада́р амза жәахатәи амш аҽны акәын. Жәиԥшьтәи амш аҽны дара рыԥсы ршьон, уи амш гәырӷьамшны, чарамшны иҟарҵеит.

18 Су́за инхоз ауриацәа жәахатәи амш аҽни жәиԥшьтәи амш аҽни еизон, жәохәтәи амш аҽны рыԥсы ршьон. Дара уи амш ауп чарамшны, гәырӷьамшны иҟарҵаз. 19 Егьырҭ ақалақьқәа рҿы инхоз ауриацәа ада́р амза жәиԥшьтәи амш гәырӷьамшны, чарамшны, ныҳәамшны иҟарҵеит, дара уи аҽны афатә еимырдон.

20 Мардохе́и арҭ ахҭысқәа зегьы асаламшәҟәқәа ирынҵаны аҳ Ахашверо́ш ипровинциақәа зегьы рҿы инхоз ауриацәа ирзишьҭит, ааигәа инхозгьы, ахара инхозгьы. 21 Иара есышықәса амза ада́р жәиԥшьтәи амши жәохәтәи амши азгәарҭаларц рыдиҵеит, 22 избанзар урҭ амшқәа рзы ауриацәа раӷацәа рҟынтә рхы иақәиҭхеит, уи амзазы ргәырҩа аҭыԥан гәырӷьарахеит, рџьабара аҭыԥан ныҳәахеит. Урҭ амшқәа ныҳәамшхар акәын, аӡәи-аӡәи афатә анеимырдо, аӷарцәа аҳамҭақәа анрырҭо аамҭаны иҟалар акәын.

23 Ауриацәа зазгәаҭара иалагаз уи аныҳәеи Мардохе́и ирзиҩызи есышықәса иазгәаҭатәу ҵасны ирыдыркылеит, 24 избанзар ауриацәа зегьы раӷа, Ага́г ишьҭра иатәыз Хаммеда́та иԥа Ама́н, зегь ишьырц иӡбеит, насгьы апур ҭеиԥсеит (аҵәы ҭеиԥсеит), ажәлар зегь иҟарҵара рзымдыруа иқәирхарц, нас иқәихырц азы. 25 Аха Есфи́рь аҳ иҿы даннеи, иара абас зҳәоз аусԥҟа ҩны иҭижьит: «Ама́н ауриацәа рганахьала игәы иҭеикыз ацәгьара зегьы иара иахь ихынҳәны ихы иақәшәааит». Усҟан Ама́н иԥацәеи иареи ашьаҟаҿы икнарҳаит. 26 Урҭ амшқәа Пури́м рыхьӡырҵеит, ажәа пур* иахаршаланы. Асаламшәҟәы ианызи, рыла иабази, ирхыргази шьаҭас иҟаҵаны, 27 ауриацәа рхы иадырҵеит даргьы, ирхылҵуагьы, зыҽрыдызкылогьы зегьы, асаламшәҟәы ишаныз еиԥш, есышықәса урҭ аҩымшк ныҳәамшны иазгәарҭаларц. 28 Ақалақьқәеи апровинциақәеи зегьы рҿы аҭаацәарақәа зегьы биԥарацыԥхьаӡа урҭ амшқәа ргәаладыршәалар, насгьы иазгәарҭалар акәын. Ауриацәа урҭ амшқәа еснагь иазгәарҭалар ауп, ирхылҵуагьы урҭ амшқәа ахаан ирхадмыршҭлар ауп.

29 Нас Авихаи́л иԥҳа аҳкәажә Есфи́ри ауриа Мардохе́ии Пури́м иазкыз даҽа саламшәҟәык рҩит, уи ирымаз амч алагьы ишьақәдырӷәӷәеит. 30 Мардохе́и Ахашверо́ш иаҳра иаҵанакуаз 127 провинциа рҿы инхоз ауриацәа зегьы аҭынчреи аиашареи ирызкыз ажәақәа зныз асаламшәҟәқәа рзишьҭит, 31 ауриа Мардохе́ии аҳкәажә Есфи́ри ишрарҳәаз еиԥш иазалху аамҭазы Пури́м азгәаҭара ашьақәырӷәӷәаразы, иара убас дара рхаҭақәа ирхылҵуеи дареи рзы ачгареи Анцәа иҳәареи аганахьала рхы иадырҵаз ашьақәырӷәӷәаразы. 32 Есфи́рь лыдҵа Пури́м иазкыз зегь шьақәнарӷәӷәеит, ашәҟәгьы ианырҵеит.

10 Аҳ Ахашверо́ш иаҳра иаҵанакуаз адгьылқәа зегьы рҿы аџьатә уалдҵа алеигалеит.

2 Аҳ Ахашверо́ш иус дуқәа ртәы, иара убас уи Мардохе́и дышҳареикыз иазку аҭоурых ак агмыжькәа мидиатәи аҳцәеи персиатәи аҳцәеи рҭоурыхқәа рышәҟәы иануп. 3 Ауриа Мардохе́и аҳ Ахашверо́ш иаҳраҿы аҳ ишьҭахь аҩбатәи аҭыԥ ааникылон. Иара ауриацәа рыбжьара амчра ду иман, патугьы иқәын. Мардохе́и ижәлар, иашьцәа, ирыхәаша дашьҭан, урҭ ирхылҵуа рԥеиԥш дазхәыцуан*.

Ишдыру еиԥш, зыӡбахә цо Дари Ду (Дари Гиста́спа) иԥа Ксеркс I иоуп.

Ма «Кушынӡа».

Ма «Шуша́н».

Ма «иаҳҭынра».

Апорфир иҟаԥшьы-еиқәоу, акристалл шкәакәақәа злаԥсоу хаҳә кьакьоуп.

Ма «аҵасқәа здыруаз». Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аамҭақәа».

Ма «дхадазар».

Иҟалап уи иаанагозар аҭаацәараҿы ахаҵа ихатәы бызшәала ицәажәалар шрыхәҭаз.

Ма «агарем аҿы».

Ма «амассаж».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иудеик».

Иаанагоит «амирт».

Ма «гәыбылрала иҭәу ибзиабарагьы».

Шәахәаԥш Ацҵа Б15.

Ма «гәыбылрала иҭәу абзиабара ааирԥшуан».

Уи ашәахтәи, арратә маҵзуреи, абахҭеи рҟынтә ахақәиҭра акәзар ауан.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахаҵа дзымбацыз аӡӷабцәа».

Ма «аҳ иаҳҭынраҿы амаҵ иуан».

Шәахәаԥш Ацҵа Б15.

Шәахәаԥш Ацҵа Б15.

342 т. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Мамзаргьы иҟалап «Сара уи ҟазҵо рзы аҳ ихазынаҭра 10 000 талантк ҭасҵоит».

Шәахәаԥш Ажәар.

Шәахәаԥш Ажәар.

22,3 м раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иҟәыӷацәеи».

Уи иаанагон ауаҩы ахьымӡӷ ширго, мамзаргьы иҟалап ашьра шиқәҵо.

Шәахәԥш Ацҵа Б15.

Шәахәаԥш Ажәар.

Шәахәаԥш Ацҵа Б15.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «алашара».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «уи адгьыл иатәыз ажәларқәа рҟынтә имаҷымкәа ауаа».

Шәахәаԥш Ацҵа Б15.

Шәахәаԥш Ажәар.

Ажәа «апур» иаанагоит «аҵәы». Уи ажәа арацәа хыԥхьаӡараҿы иамоу аформа «пурим» жәаҩатәи амзазы иазгәарҭо аныҳәа иахьӡхеит. Шәахәаԥш Ацҵа Б15.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рҭынчра рылеиҳәон».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра