Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • nwt Матфеи 1:1—28:20
  • Матфеи

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Матфеи
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Матфеи

МАТФЕИ ИҞЫНТӘ АЖӘАБЖЬ БЗИА

1 Абар Иисус Христос* иԥсҭазаара иазку ашәҟәы. Иара Давид диԥан, Давид Авраам диԥан.

 2 Авраам дихшеит Исаак;

Исаак дихшеит Иаков;

Иаков ихшеит Иуда иашьцәеи иареи;

 3 Иуда Фама́рь лҟынтә ихшеит Фаре́си Зера́хи;

Фаре́с дихшеит Хецро́н;

Хецро́н дихшеит Рам;

 4 Рам дихшеит Аминада́в;

Аминада́в дихшеит Нахшо́н;

Нахшо́н дихшеит Салмо́н;

 5 Салмо́н Раа́в лҟынтә дихшеит Боа́з;

Боа́з Руфь лҟынтә дихшеит Ове́д;

Ове́д дихшеит Иессе́и;

 6 Иессе́и дихшеит аҳ Давид;

Давид У́риа иԥҳәыс лҟынтә дихшеит Соломон;

 7 Соломон дихшеит Ровоа́м;

Ровоа́м дихшеит А́виа;

А́виа дихшеит А́са;

 8 А́са дихшеит Иосафа́т;

Иосафа́т дихшеит Иора́м;

Иора́м дихшеит У́ззиа;

 9 У́ззиа дихшеит Иофа́м;

Иофа́м дихшеит Аха́з;

Аха́з дихшеит Езеки́а;

10 Езеки́а дихшеит Мана́ссиа;

Мана́ссиа дихшеит Амо́н;

Амо́н дихшеит Ио́сиа;

11 Ио́сиа ихшеит Иехо́ниа иашьцәеи иареи. Усҟан израильаа Вавилонҟа иахыргеит.

12 Вавилонҟа ианахырга ашьҭахь, Иехо́ниа дихшеит Шеалтие́л;

Шеалтие́л дихшеит Зорова́вель;

13 Зорова́вель дихшеит Авиу́д;

Авиу́д дихшеит Елиаки́м;

Елиаки́м дихшеит Азо́р;

14 Азо́р дихшеит Цадо́к;

Цадо́к дихшеит Ахи́м;

Ахи́м дихшеит Елиу́д;

15 Елиу́д дихшеит Елеаза́р;

Елеаза́р дихшеит Матфа́н;

Матфа́н дихшеит Иаков;

16 Иаков дихшеит Иосиф. Иосиф Мариа лхаҵа иакәын. Мариа Христос ҳәа изышьҭаз Иисус иан лакәын.

17 Авраам инаиркны Давид иҟынӡа иҟан 14 биԥара, Давид инаиркны аиудеиаа Вавилонҟа иахыргаанӡа — 14 биԥара, Вавилонҟа ианахырга инаркны Христос иҟынӡа — 14 биԥара.

18 Абар Иисус Христос дышиз: иан Мариеи Иосифи еибагараны иҟан, аха еибагаанӡа, лара иԥшьоу адоуҳала* лцәалтәымкәа дҟалеит. 19 Лхаҵа* Иосиф дуаҩ бзиан. Иара Мариа ахьымӡӷ лиргар иҭахӡамызт, убри аҟынтә маӡала длылҵырц иӡбеит. 20 Убри даназхәыц ашьҭахь, ԥхыӡла Иегова* имаалықь ус иеиҳәеит: «Давид иԥа Иосиф, Мариа ԥҳәысс лгара уацәымшәан, избанзар иԥшьоу адоуҳала ауп уи лцәалтәымкәа дшыҟалаз. 21 Лара аԥа длоуеит, уара уи Иисус* ихьӡуҵоит, избанзар ижәлар рыгәнаҳақәа рҟынтә иҿихуеит». 22 Ари зегь зыҟалаз Иегова иԥааимбар ила ииҳәаз абарҭ ажәақәа наӡарц азоуп: 23 «Ахаҵа дзымбац аԥҳәызба лцәалтәымкәа дҟалоит, аԥа длоуеит, иагьихьӡырҵоит Еммануи́л, уи иаанагоит „Анцәа дҳацуп“».

24 Иосиф данааԥш, Иегова имаалықь ишиеиҳәаз еиԥш, иԥҳәыс иҩныҟа дигеит. 25 Аха ахшара длоуаанӡа длыламкьысӡеит. Аԥа данлоу, Иисус ихьӡиҵеит.

2 Аҳ И́род* ихаан иудеиатәи Вифлеем ақалақь аҿы диит Иисус. Уи ашьҭахь Мрагыларантәи астрологцәа Иерусалимҟа инеит. 2 Дара ҵааит: «Дабаҟоу ииз аиудеиаа раҳ? Ҳара Мрагылара ҳаныҟаз, иеҵәа ҳбеит, убри азы ҳиеихырхәарц ҳааит». 3 Аҳ И́род ари аниаҳа, дшәеит, Иерусалим инхозгьы зегь шәеит. 4 Иара аԥшьаҩ еиҳабацәеи азакәанрҵаҩцәеи зегь ааизиган, Христос* дираны дабаҟоу ҳәа дразҵааит. 5 Дара иарҳәеит: «Иудеиатәи Вифлеем аҟны, избанзар аԥааимбар абас иҩхьан: 6 „Уара, иудеиатәи Вифлеем, Иуда анапхгаҩцәа рзы акгьы иаԥсам қалақьым, избанзар сыжәлар, Израиль, зыхьчо духылҵуеит“».

7 Уи ашьҭахь И́род маӡала астрологцәа ааиԥхьан, аеҵәа анцәырҵыз аамҭа еиликааит. 8 Иара урҭ Вифлеемҟа идәықәиҵан, абас реиҳәеит: «Шәцаны, ахәыҷы дшәыԥшаа, данышәыԥшаалак, шәхынҳәны исашәҳәа, саргьы сиеихырхәарц азы». 9 Аҳ ианизыӡырҩ ашьҭахь рымҩа иқәлеит. Мрагылара ианыҟаз ирбаз аеҵәа амҩа дырбо, раԥхьа игыланы ицон. Ахәыҷы дахьыҟаз аҭыԥ аҟынӡа ианнеи, аеҵәа уа иаангылеит. 10 Аеҵәа шаангылаз анырба, даараӡа игәырӷьеит. 11 Аҩны ианыҩнала, ахәыҷы иан Мариеи иареи рбеит. Ахәыҷы данырба, иҿаԥхьа ишьамхышгылан, иеихырхәеит. Нас ахьи, афҩы хаа змаз аладани, амирреи ҳамҭас ирҭеит. 12 Анцәа урҭ ԥхыӡла иреиҳәеит И́род иахь ихнымҳәырц, убри аҟынтә ртәылахь даҽа мҩак ала ицеит.

13 Ианца, Иосиф ԥхыӡла Иегова* имаалықь дибеит. Уи ус иҳәеит: «Ахәыҷы иани иареи аашьҭыхны Египетҟа уеиха, адырра усҭаанӡагьы ухнымҳәын, избанзар И́род ахәыҷы дыԥшааны дишьыр иҭахуп». 14 Аухаҵәҟьа Иосиф ахәыҷы иани иареи аашьҭыхны, Египетҟа дцеит, 15 И́род дыԥсаанӡагьы уа дыҟан. Абри зегь зыҟалаз, Иегова иԥааимбар ила ииҳәаз абарҭ ажәақәа наӡарц азоуп: «Сԥа Египетынтәи сиԥхьеит».

16 И́род астрологцәа дшыржьаз анеиликаа, иԥсахы еибакын, Вифлееми уи акәша-мыкәшеи ҩышықәса рҟынӡа зхыҵуаз аҷкәынцәа зегь ршьырц адҵа ҟаиҵеит. Астрологцәа иарҳәаз ала, иара ахәыҷы убри аҟара ихыҵуеит ҳәа иԥхьаӡеит. 17 Убас инаӡеит аԥааимбар Иереми́а ииҳәаз ажәақәа: 18 «Ра́ма ақалақь аҿы аҵәыуабжьи аҳәҳәабжьи геит. Рахиль лхәыҷқәа лҵәыуон, аҽеиқәкрагьы лҭахӡамызт, избанзар иҟамызт уаҳа лхәыҷқәа».

19 И́род данԥсы, Иосиф ԥхыӡла Иегова имаалықь дибеит. 20 Уи ус иҳәеит: «Угыл, ахәыҷы иани иареи уманы Израильҟа уца, избанзар ахәыҷы дызшьырц зҭахыз ԥсхьеит». 21 Иосифгьы ахәыҷы иани иареи иманы Израильҟа дхынҳәит. 22 Аха иара И́род иԥа Архелаи Иудеиа дшахагылоу аниаҳа, уахь ацара дшәеит. Уи адагьы, Анцәа уахь умцан ҳәа ԥхыӡла иеиҳәахьан азы, Галилеиаҟа дцеит. 23 Уахь даннеи, Назарет ақалақь аҿы анхара далагеит. Убас инаӡеит аԥааимбарцәа ирҳәаз абарҭ ажәақәа: «Уи Назарет иатәу ҳәа изырҳәалоит».

3 Урҭ амшқәа рзы Иоанн Аӡӡаахҩы иудеиатәи ацәҳәыраҿы Анцәа иажәабжь аҳәара далагеит. 2 Иара иҳәон: «Шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәы, избанзар жәҩантәи Аҳра ааигәахеит». 3 Иара изоуп аԥааимбар Иса́иа абарҭ ажәақәа зиҳәаз: «Ацәҳәыраҿы аӡәы ибжьы ҭыганы иҳәоит: „Иегова* изы амҩа шәырхиа! Икаххаа иҟашәҵа!“». 4 Иоанн амахҽ ахәы иалхыз аласа маҭәа ишәын, ацәа иалхыз амаҟа имӷан. Фатәыс имаз асаранчеи абнацхеи ракәын. 5 Иерусалими, Иудеиа ахи-аҵыхәеи, Иордан акәша-мыкәшеи рҟынтә ауаа иара иахь инеиуан. 6 Дара имӡаӡакәа, рыгәнаҳақәа аартны ирҳәон, Иоаннгьы урҭ Иордан аӡиас аҿы иӡааихуан*.

7 Имаҷҩымкәа афарисеицәеи асаддукеицәеи уахь ишнеиуаз аниба, ус реиҳәеит: «Амаҭхшақәа шәара! Анцәа игәыԥжәара аарԥшны ауаа цәгьақәа анықәиго, шәара шәеиқәхоит ҳәа шәгәы иаанагома? 8 Шәыгәнаҳақәа шәышрыхьхәыз шәусқәа рыла иаашәырԥшы. 9 Авраам ҳаб иоуп ҳәа шәымҳәалан. Сара ишәасҳәоит: Анцәа абарҭ ахаҳәқәагьы Авраам изы ахшара рылихыр илшоит. 10 Аиха аҵла ашьапаҿы ишьҭарҵахьеит. Ашәыр бзиа зҿамло аҵла хҵәаны амца иаларыжьуеит. 11 Сара ӡыла ауп шәышӡаасхуа, избанзар шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәит. Аха сышьҭахь ааира иаҿу сара саасҭа деиҳауп, уи иеимаа ишьхраҵәҟьа саԥсам. Иара иԥшьоу адоуҳалеи мцалеи ауп шәышӡааихло. 12 Уи аԥсаҟьага икуп, ичарыц рыцқьаны иҵәахуеит, ацәагьы ахаан имыцәо амца иалажьны ибылуеит».

13 Иисус аӡы иҽӡааихырц азы Галилеиантәи Иорданҟа Иоанн иахь дааит. 14 Аха Иоанн уи дааникыларц далагеит. Иара иҳәеит: «Сара ушԥаӡаасхуеи? Уара уоуп сӡаазхыша». 15 Иисус иҳәоит: «Усԥырхагамхан, избанзар убасала уареи сареи Анцәа ииҭаху зегь наҳагӡоит». Иоаннгьы уаҳа имаимкӡеит. 16 Иисус иҽӡаахны аӡы данааҭыҵ, ажәҩан аатит. Усҟан Иоанн ибеит Анцәа идоуҳа аҳәыҳә аԥшра аманы Иисус иахь ишылбааз. 17 Иара убас ажәҩан аҟынтә бжьык аагеит: «Ари бзиа избо, сыззыразу Сԥа иоуп».

4 Анаҩс иԥшьоу адоуҳа Иисус ацәҳәырахь днанагеит. Уа Аџьныш Иисус дԥишәо далагеит. 2 Иисус 40 мшы дычгон азы, иӷәӷәаны амла дакит. 3 Убасҟан Аџьныш Иисус днаидгылан, ус иеиҳәеит: «Анцәа уиԥазар, абарҭ ахаҳәқәа чахарц раҳәа». 4 Аха Иисус иҳәеит: «Аҩыраҿы иануп: „Ауаҩы иԥсы злаҭоу ача мацарала акәӡам, Иегова* ииҳәо ажәа алагьы ауп“».

5 Анаҩс Аџьныш Иисус иԥшьоу ақалақь ахь дганы, аныҳәарҭа аҭӡамц ахықәцә дықәиргылан, 6 ус иеиҳәеит: «Анцәа уиԥазар, абрантәи уԥа, иаными: „Иара имаалықьцәа уцхраарц адҵа риҭоит“, „урҭ рнапы уқәыргыланы ургоит, ушьапы ахаҳә ианымҟьарц азы“». 7 Иисус иҳәеит: «Иара убас иануп: „Шәынцәа Иегова дԥышәымшәалан“».

8 Анаҩс Аџьныш Иисус иҳаракӡаз ашьхахь диган, адунеи аҳрақәа зегь иирбеит, иирбеит урҭ рыԥшӡара, рыхьӡ-рыԥша. 9 Нас иҳәеит: «Абри зегь уара иусҭоит, ушьамхышгыланы знык усеихырхәар». 10 Аха Иисус иҳәеит: «Усԥырҵ наҟ, Аҩсҭаа! Аҩыраҿы иануп: „Шәынцәа Иегова шәимҵахырхәала, иара заҵәык имаҵ жәула“». 11 Усҟан Аџьныш Иисус диԥырҵны дцеит. Нас амаалықьцәа ааин, имаҵ аура иалагеит.

12 Иисус Иоанн абахҭа дышҭаркыз аниаҳа, Галилеиаҟа дцеит. 13 Нас иара Назаретынтәи дықәҵын, амшын аҿықә аҿы ишьҭаз Капернау́м ақалақь аҿы анхара далагеит. Уи Завуло́ни Неффали́ми рыдгьыл аҿы акәын. 14 Убас инаӡеит аԥааимбар Иса́иа ииҳәаз: 15 «О, егьырҭ амилаҭқәа ахьынхо Галилеиа, амшын ахь уназго амҩаҿы, Иордан анхыҵ ишьҭоу Завуло́ни Неффали́ми рыдгьыл! 16 Алашьцара иалахаз ауаа алашара каххаа ирбеит, аԥсра ашәшьыра зхаԥаны иҟаз адгьыл аҿы инхоз ауаа алашара рхаԥхеит». 17 Убри инаркны Иисус Анцәа иажәабжь аҳәара далагеит. Иара иҳәон: «Шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәы, избанзар жәҩантәи Аҳра ааигәахеит!»

18 Иисус Галилеиатәи амшын аԥшаҳәа даваланы дышцоз, ҩыџьа аишьцәа ибеит, Пиотр ҳәа зарҳәоз Си́мони уи иашьа Андреии. Дара акаҭа амшын иаларыжьуан, избанзар иԥсыӡкыҩцәан. 19 Иисус ус реиҳәеит: «Шәсышьҭаланы шәаала, аԥсыӡкышьа шыжәдыруа еиԥш, ауаа ркышьагьы шәсырҵоит». 20 Даргьы иаразнак рыкаҭақәа ааныжьны, Иисус ишьҭалеит. 21 Ус, дышнеиуаз, еиҭа ҩыџьа аишьцәа ибеит, Зеведе́и иԥацәа Иакови Иоанни. Раби дареи анышь иақәтәаны акаҭақәа шеиқәдыршәоз, Иисус днарыдгылан, шәаала ҳәа реиҳәеит. 22 Даргьы иаразнак анышь иақәҵын, раб дааныжьны, Иисус ишьҭалеит.

23 Иисус Галилеиа зегь дахысны, ауаа Аҳра иазку ажәабжь бзиа рылеиҳәон, асинагогақәа рҿы Анцәа иажәа дирҵон, насгьы чмазарас ирымаз зегь ихәышәтәуан. 24 Иӡбахә Сириа зегь иахыҵәеит. Иара иахь инаргон иалаԥсуаз, иара убас егьырҭ ачымазарақәа змаз, ахьаа ӷәӷәа иаргәаҟуаз, зхы иамыхәоз, насгьы адемонцәа зхаԥаны иҟаз. Иаргьы урҭ ихәышәтәуан. 25 Убри аҟынтә Галилеиеи, Жәақалақьреи*, Иерусалими, Иудеиеи, Иордан нырцәи рҟынтә ажәлар ишьҭан.

5 Иисус ауаа рацәа аниба, ашьхарахь дхалеит. Дантәа, иҵаҩцәа наидгылеит. 2 Нас иара ацәажәара далагеит:

3 «Насыԥ рымоуп Анцәа ида ԥсыхәа шрымам еилызкаауа ауаа, избанзар жәҩантәи Аҳра дара иртәуп.

4 Насыԥ рымоуп игәырҩо, избанзар ргәырҩақәа рхаршҭхоит.

5 Насыԥ рымоуп иҟәымшәышәу ауаа, избанзар дара адгьыл рҭынхоит.

6 Насыԥ рымоуп аиашара иазгәаҟуа, избанзар изызгәаҟуа роуеит.

7 Насыԥ рымоуп арыцҳашьара злоу, избанзар даргьы рыцҳашьахоит.

8 Насыԥ рымоуп згәы цқьоу, избанзар дара Анцәа дырбоит.

9 Насыԥ рымоуп аҭынчра иашьҭоу, избанзар дара Анцәа иԥацәа ракәны иԥхьаӡахоит.

10 Насыԥ рымоуп аиашара азы изышьҭашәарыцо, избанзар жәҩантәи Аҳра дара иртәуп.

11 Насыԥ шәымоуп сара сзы шәыхьӡ андырцәгьо, ианшәышьҭашәарыцо, насгьы иҟам-ианым аншәзырҳәо. 12 Шәыччала, шәгәырӷьала, избанзар ажәҩан аҿы аҳамҭа ду шәзыԥшуп. Убасоуп ажәытәан аԥааимбарцәагьы ишрышьҭашәарыцоз.

13 Шәара адунеи азы аџьыкахыш шәаҩызоуп. Аха аџьыкахыш аҵаара ацәыӡыр, еиҭах иҵааны излаҟауҵои? Уи ауаа ахьаӷрагыло икаумыжьуазар, иабоуго? Уаҳа акгьы иаԥсахом.

14 Шәара адунеи азы шәлашароуп. Ашьхаҿы иқәгылоу ақалақь умбар залшом. 15 Ауаа акәаҷаб анадыркуа, ихырҩаӡом, аҩны иҩноу зегьы алашара днарбаларц азы хыхь ауп иахьықәдыргыло. 16 Шәылашарагьы убас илашалааит, ауаа шәус бзиақәа рбаларц, насгьы жәҩантәи Шәаб дҳараркларц азы.

17 Шәгәы иаанамган сара сзааз, азакәан ма аԥааимбарцәа ирҳәаз аԥысхырц азоуп ҳәа. Иаԥысхырц азы акәӡам, инасыгӡарц азоуп. 18 Аиаша шәасҳәоит: ажәҩани адгьыли шықәымӡаауа еиԥш, азакәан иану нбан хәыҷыкгьы, ҵәаӷәаҷкгьы бжьаӡраны иҟам, иану зегь наӡоит. 19 Абарҭ аԥҟарақәа рҟынтә иреиҵаӡоу ԥҟарак еилазго, егьырҭгьы уи дзырҵо, жәҩантәи Аҳра даԥсахаӡом. Аха урҭ аԥҟарақәа назыгӡо, егьырҭгьы урҭ рынагӡашьа дзырҵо, жәҩантәи Аҳра даԥсахоит. 20 Сара ишәасҳәоит: азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи раасҭа шәиашамхар, жәҩантәи Аҳра жәбараны шәыҟаӡам.

21 Ажәытәан ишырҳәоз шәмаҳахьеи: „Ауаҩы думшьын. Ауаҩы дызшьуа аусӡбарҭахь днаргоит“. 22 Аха сара ишәасҳәоит: аӡәы есымша иашьа игәы изыԥжәозар, аусӡбарҭахь днаргоит, ажәала зашьа длазырҟәуа — Иреиҳаӡоу аусӡбарҭахь днаргоит, „уара агаӡа!“ ҳәа зашьа иазҳәо — амца ахьеилашуа геенна* далажьхоит.

23 Акәырбаннагарҭахь уҳамҭа уманы уаннеилак, уашьа дузгәааны дшыҟоу угәалашәар, 24 уҳамҭа ааныжьны, уашьа иахь уца. Раԥхьа уашьа уинышәа, нас ухынҳәны, уҳамҭа наг.

25 Зуал уқәуи уареи ишәыбжьалаз аимак аусӡбарҭахь шәнеиаанӡа иӡба. Избанзар уа шәнеир, уи аӡбаҩ уииҭоит, аӡбаҩ имаҵзуҩы уииҭоит, имаҵзуҩы абахҭа уҭеикуеит. 26 Аиаша уасҳәоит: иаауқәу зегь ушәаанӡа, уҭыҵраны уҟаӡам.

27 Ирҳәо шәмаҳахьеи: „Ухатә ҩыза думԥсахын“ ҳәа. 28 Аха сара ишәасҳәоит: абри аԥҳәыс дсымандаз ҳәа аԥҳәыс илыхәаԥшуа дарбанзаалак игәаҿы ихатә ҩыза диԥсаххьеит. 29 Убла агәнаҳа унарҟаҵозар, иҭыхны наҟ иршә. Убла уцәыӡыр еиҳа еиӷьуп, ушеибго геенна* уаларыжьыр аасҭа. 30 Уарӷьа напы агәнаҳа унарҟаҵозар, ихҵәаны наҟ иршә. Уарӷьа напы уцәыӡыр еиҳа еиӷьуп, ушеибго геенна* уаларыжьыр аасҭа.

31 Иара убас иҳәоуп: „Зыԥҳәыс илылҵуа ауаҩы дышлылҵуа ала аршаҳаҭга лиҭааит“. 32 Аха сара ишәасҳәоит: ахаҵа иԥҳәыс длылҵуазар, лара аӡәгьы дышицымныҟәазгьы*, лхаҵа длыԥсахыртә аҟынӡа днеигар алшоит. Уи ахаҵа икаижьыз аԥҳәыс ԥҳәысс дызго ахаҵагьы зыԥҳәыс дзыԥсахуа иеиԥш ахара идлоит.

33 Ажәытәан ишырҳәоз шәмаҳахьеи: „Иегова* иҿаԥхьа ак ҟасҵоит ҳәа уқәызар, уажәа нагӡа, еилоумган“. 34 Аха сара ишәасҳәоит: зынӡаскгьы шәымқәын. Шәымқәлан ажәҩан иамаҿоуп ҳәа, избанзар уи Анцәа итәарҭоуп, 35 адгьыл иамаҿоуп ҳәа, избанзар уи Анцәа ишьапқәа ахьықәиргыло ҭыԥуп, Иерусалим иамаҿоуп ҳәагьы, избанзар уи Аҳ ду* иқалақь ауп. 36 Сара исымаҿоуп ҳәагьы шәымқәлан, избанзар шәыхцәхәыцҵәҟьагьы шкәакәахартә ма еиқәаҵәахартә шәзыҟаҵом. 37 Аха „ааи“ анышәҳәа, „ааи“ акәзааит, „мап“ анышәҳәа, „мап“ акәзааит, избанзар зажәа назмыгӡо Аҩсҭаа* дитәуп.

38 Ирҳәо шәмаҳахьеи: „Убла ҭызхыз ибла ҭырхроуп. Ухаԥыц ыҵызхыз ихаԥыц ыҵырхроуп“ ҳәа. 39 Аха сара ишәасҳәоит: ацәгьа узызуз ацәгьа изумун. Аӡәы ганкахьала дуҿасыр, егьи агангьы имҵак. 40 Аӡәы аӡбарҭахь унаганы хыхьтәи умаҭәа умихырц иҭаххар, иузынхазгьы наҟ иҭ. 41 Амчра змоу аӡәы километрак уцарц удицалар, ҩ-километракгьы уицца. 42 Аказы иуҳәо ииҭаху иҭ. Аӡәы уалла ак умихырц иҭахызар, мап ицәумкын.

43 Ирҳәо шәмаҳахьеи: „Ишәзааигәоу бзиа дыжәбала, шәаӷа дышәцәымӷыз“ ҳәа. 44 Аха сара ишәасҳәоит: шәаӷацәа бзиа ижәбала, ишәышьҭашәарыцо рзгьы Анцәа шәиҳәала. 45 Убасала жәҩантәи Шәаб иԥацәа шшәакәу аашәырԥшуеит. Избанзар иара ауаа бзиақәагьы ауаа цәгьақәагьы амра рхаирԥхоит, абзиара ҟазҵогьы ацәгьара ҟазҵогьы ақәа рзаируеит. 46 Бзиа ижәбо бзиа шәызбо ракәзар, иарбан ҳамҭоу шәыззыԥшу? Ашәахтә еизызгогьы уи акәӡами иҟарҵо? 47 Аԥсшәа зашәҳәо шәашьцәа рымацара ракәзар, бзиарас иҟашәҵои? Егьырҭ ажәларқәагьы ус акәӡами ишыҟарҵо? 48 Жәҩантәи Шәаб ихы шымҩаԥиго еиԥш шәхы мҩаԥыжәгала.

6 Аус бзиақәа аныҟашәҵо, ауаа ирбандаз ҳәа иҟашәымҵалан, мамзар жәҩантәи Шәаб иҟынтә аҳамҭа шәоуӡом. 2 Иӷару ауаа абзиара анырзыҟашәҵо, „абар иҟасҵаз“ ҳәа ауаа ирылашәымҳәалан, ҩ-цәак зхарԥоу ауаа асинагогақәеи амҩадуқәеи рҿы ишыҟарҵо еиԥш, избо идырҽхәаларц азы. Аиаша шәасҳәоит, урҭ ироураны иҟоу зегь роухьеит. 3 Уара уакәзар, иӷару уанрыцхраауа, уарӷьа напы иҟанаҵо уарма напы иазымдыруазааит, 4 иҟауҵаз аус бзиақәа маӡаны иаанхарц азы. Усҟан маӡала иҟарҵо зегь збо Уаб уиныҳәоит.

5 Анцәа шәаниҳәогьы, ҩ-цәак зхарԥоу ауаа шиҳәо еиԥш шәимыҳәалан. Дара ауаа ирбарц азы асинагогақәеи амҩадуқәеи рҿы игыланы Анцәа иҳәоит. Аиаша шәасҳәоит, урҭ ироураны иҟоу зегь роухьеит. 6 Аха уара Анцәа уаниҳәо, ууада уҩналаны ашә аркы, нас жәҩантәи Уаб* уиҳәа, усҟан зегь збарҭоу Уаб уиныҳәоит. 7 Анцәа шәаниҳәо, егьырҭ ажәларқәа ишыҟарҵо еиԥш шәааҟәымҵӡакәа ишәҳәац еиҭашәымҳәалан. Дара акыраамҭа Анцәа иахьиҳәо азы, ирҳәо иаҳауа џьыршьоит. 8 Урҭ шәырмеиԥшхан, избанзар Шәаб шәзызгәаҟуа зегь идыруеит, шәара уи шәаҳәаанӡагьы.

9 Шәиҳәала Анцәа абас:

„Ажәҩан аҿы иҟоу Ҳаб, ҳаҭыр ду ақәзааит* уара ухьӡ. 10 Иааиааит Уаҳра. Иҟалааит уара иуҭаху ажәҩан аҿы еиԥш, адгьыл аҿгьы. 11 Иахьа иаҳфаша ача ҳаҭ. 12 Иҳанажь ҳагәнаҳақәа*, ҳаргьы егьырҭ* ишранаҳажьуа еиԥш. 13 Ҳхызхуа ҳҽаҳамҭарц уҳацхраа, Аҩсҭаа* ҳаицәыхьча“.

14 Ауаа рыгәнаҳақәа ранашәыжьлар, жәҩантәи Шәабгьы шәыгәнаҳақәа шәанаижьлоит, 15 ауаа рыгәнаҳақәа ранашәмыжьлар, жәҩантәи Шәабгьы шәыгәнаҳақәа шәанаижьӡом.

16 Шәанычго, шәылахь еиқәҵаны шәымныҟәалан, ҩ-цәак зхарԥоу анычго, ауаа ирбарц азы рылахь еиқәҵаны ишныҟәо еиԥш. Аиаша шәасҳәоит, урҭ ироураны иҟоу зегь роухьеит. 17 Уара уанычго, ухы зыфҩы хаау ахәша ахьшьы, уҿгьы ӡәӡәа, 18 ушычго ауаа ракәымкәа, жәҩантәи Уаб* ибарц азы. Усҟан зегь збарҭоу Уаб уиныҳәоит.

19 Шәаҟәыҵ амал аизгара адгьыл аҿы, а́ҩи ажьакцеи иахьырфо, аӷьычцәа иахьырӷьычуа. 20 Еизыжәгала амал ажәҩан аҿы, уа еизыжәго амал а́ҩгьы иафом, ажьакцагьы иафом, аӷьычцәагьы иргом. 21 Умал ахьыҟоу ауп угәи уԥси ахьыҟало.

22 Ауаҩы лашарбагас имоу иблақәа роуп. Убла зықәку ибзиоу мацара акәзар, ухы инаркны ушьапаҟынӡа улашахоит. 23 Убла шьыцуазар, ухы инаркны ушьапаҟынӡа алашьцара ухаԥоит. Лашарас иумоу лашьцаразар, шаҟа еиқәаҵәоузеи уи алашьцара!

24 Ҩыџьа аԥшәмацәа рымаҵ аура аӡәгьы илшом, избанзар руаӡәк еиҳа бзиа дибалоит, егьи — дицәымыӷхоит, мамзаргьы дмаашьаӡакәа руаӡәк имаҵ иулоит, егьи — дицәаашьалоит. Анцәагьы амалгьы рымаҵ шәзеицуӡом.

25 Убри аҟынтә ишәасҳәоит: иаҳфарызеи, иаҳжәрызеи, иаҳшәаҳҵарызеи ҳәа ахәыцра шәаҟәыҵ, уи хьаас иҟашәымҵалан. Ауаҩы иԥсҭазаара* афатәи ашәҵатәи раасҭа ахә амаӡами? 26 Шәрыхәаԥш аҵарақәа: дара ак ларҵом, ак ҭаргалом, ацагьы ак ҭарыԥсом, аха жәҩантәи Шәаб урҭ акрырҿеиҵоит. Шәара еиҳагьы шәаԥсаӡами? 27 Ак хьаас иҟашәҵеит ҳәа, шәыԥсҭазаара сааҭк* иадамзаргьы ишәзацҵома? 28 Ишәшәышәҵашагьы гәҭыхас изшәымои? Шәрыхәаԥш ашәҭқәа: дара аџьабаа рбом, амаҭәа рӡахуам. 29 Аха сара ишәасҳәоит: амал ду змаз Соломонгьы урҭ шеилаҳәоу еиԥш деилаҳәамызт. 30 Иахьа иҟоу, аха уаҵәы амца иалажьны ирбылуа ашәҭқәа Анцәа абас еилеиҳәозар, шәара еиҳагьы еиӷьны шәеилеимҳәаӡои, ахаҵара ззымхо шәара? 31 Убри аҟынтә акгьы хьаас иҟашәымҵалан, иагьышәымҳәалан: „Иаҳфарызеи?“, „Иаҳжәрызеи?“, „Иаҳшәаҳҵарызеи?“ 32 Убриоуп егьырҭ ажәларқәа иҩуа изышьҭоугьы. Аха жәҩантәи Шәаб уи зегь шышәҭаху идыруеит.

33 Шәыԥсҭазаараҿы Анцәа Иаҳреи иара ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо аусқәеи зегь раасҭа ихадаз, усҟан Анцәа шәзызгәаҟуа зегь шәиҭоит. 34 Уаҵәтәи амш хьаас иҟашәымҵалан, избанзар уаҵәы даҽа гәҭыхақәак ҟалоит. Иахьа ишәымоу ауадаҩрақәа азхоит.

7 Шәаҟәыҵ ауаа рықәыӡбара, усҟан Анцәагьы дшәықәыӡбаӡом. 2 Ауаа шәышрықәыӡбо еиԥш ауп Анцәагьы дышшәықәыӡбо, ауаа шәышрызныҟәо еиԥш ауп даргьы шшәызныҟәало. 3 Уашьа ила иху аҭәыц анубо, уара ула ихыжьлоу ақды зумбои? 4 Излаиоуҳәои уашьа: „Уааи, ула иху аҭәыц хысхуеит“ ҳәа, ухаҭа ула ақды хызар? 5 Ҩ-цәак зхарԥоу уара! Раԥхьа ула ихыжьлоу ақды хых, нас уашьа ила иху аҭәыц шхыхтәугьы убап.

6 Анцәа иитәу алақәа ирышәымҭалан, абырлашгьы аҳәақәа ирымҵашәмыжьлан, мамзар уи аҳәынҵәа иларкәаҳауеит, нас ихынҳәны, шәара шәеимырыжәжәоит.

7 Шәаҳәала  —  ишәоуеит, шәашьҭаз  — ишәыԥшаауеит, шәасла  —  ишәзаадыртуеит, 8 избанзар акы иаҳәо  —  ииҭаху иоуеит, акы иашьҭоу  —  дзышьҭоу иԥшаауеит, ашә иасуа  —  изаадыртуеит. 9 Шәхәыҷы ача даҳәар, ахаҳә ишәҭома? 10 Ма аԥсыӡ даҳәар, амаҭ ишәҭома? 11 Агәнаҳа шшәылоугьы, шәхәыҷқәа аҳамҭа бзиақәа рзыҟаҵара бзиа ижәбозар, нас, жәҩантәи Шәаб аказы иҳәо уи римҭаӡои?

12 Ауаа шәызныҟәалар шышәҭаху еиԥш, шәаргьы убас шәрызныҟәала. Убриоуп Моисеи изакәани аԥааимбарцәа рышәҟәқәеи ирнугьы.

13 Агәашә ҭшәа ала шәҭалала, избанзар аҭахара-ақәӡаара ахь уназго агәашәгьы амҩагьы ҭбааҭыцәуп, уи агәашә иҭалогьы рацәаҩуп. 14 Аха аԥсҭазаарахь уназго агәашәгьы амҩагьы ҭшәоуп, изыԥшаауагьы маҷҩуп.

15 Ауасацәа зхарԥоу ақәыџьмақәа иреиԥшу амцԥааимбарцәа шәҽырцәышәыхьчала. Дара рыԥсы қымқымуа, шәылбаадара ауп изышьҭоу. 16 Урҭ русқәа рыла ижәдыруеит. Амаӷ-ҵиаақәа рҟынтә ажь ма алаҳа ҿырхуама? 17 Аҵла бзиа ашәыр бзиа ҿалоит, аҵла баа иҿало ашәыргьы баауп. 18 Аҵла бзиа ашәыр баа ҿалаӡом, ибаау аҵлагьы ашәыр бзиа ҿалаӡом. 19 Ашәыр бзиа зҿамло аҵла хҵәаны, иршәны амца иаларыжьуеит. 20 Убри аҟынтә урҭ ауаа злажәдыруа русқәа рыла ауп.

21 „Исықәиҭу, Исықәиҭу“ ҳәа сазҳәо иакәӡам жәҩантәи Аҳра збараны иҟоу, уи збо жәҩантәи Саб ииҭаху ҟазҵо иоуп. 22 Уи аҽны абас сазҳәо рацәаҩхоит: „Иҳақәиҭу, Иҳақәиҭу, уара ухьӡала акәӡамзи аԥааимбаражәақәа шаҳҳәоз, ауаа адемонцәа шырхаҳцоз, насгьы аџьашьахәқәа рацәаны ишыҟаҳҵоз?“ 23 Усҟан ирасҳәоит: „Сара шәсыздырӡом. Шәца наҟ шәысԥырҵны, ацәгьоуцәа!“

24 Исҳәо заҳауа, иагьыҟазҵо, ацаҟьаҿы аҩны зыргылаз ауаҩ ҟәыш диеиԥшуп. 25 Ақәаршҩы аналага, аӡқәа хыҵын, аԥша цәгьа асра иалагеит. Аха уи аҩны акгьы амыхьӡеит, избанзар ацаҟьаҿы иргылан. 26 Исҳәо заҳауа, аха иҟазымҵо аԥслымӡ аҿы аҩны зыргылаз ауаҩы гаӡа диеиԥшуп. 27 Ақәаршҩы аналага, аӡқәагьы анхыҵ, аԥша цәгьагьы анас, уи аҩны еилаҳаит, иҟәыбасагьы ицеит».

28 Абас Иисус иажәа далгеит. Ажәлар идирҵоз шыдирҵоз иаршанханы игылан, 29 избанзар иара Анцәа иҟынтә амчра зауз иеиԥш ауп ишыдирҵоз, азакәанрҵаҩцәа реиԥш акәымкәа.

8 Ахәы данылбаа, ауаа рацәа ишьҭалеит. 2 Ацәеилабаара змаз хаҵак Иисус иҿаԥхьа дшьамхышгылан, иҳәеит: «Исықәиҭу, иуҭаххар, сухәышәтәыр улшоит». 3 Иисус инапы неиҵыхны уи ахаҵа дилакьысын, иҳәеит: «Исҭахуп! Убзиаха». Ачымазаҩгьы иаразнак дыбзиахеит. 4 Анаҩс Иисус уи ус иеиҳәеит: «Ушысхәышәтәыз аӡәгьы иоумҳәан. Амала уцаны аԥшьаҩы ухы ирба. Моисеи изакәан ишану еиԥшгьы акәырбан наг, аԥшьаҩцәа ушыбзиахаз рбарц азы».

5 Капернау́м даннеи, ар реиҳабы дааидгылан, дӷьаҵәыӷьаҵәуа 6 ус иҳәеит: «Ухаҵкы, смаҵуҩы ихы дзамыхәо аҩны дышьҭоуп, агәаҟра даҿуп». 7 Иисус иҳәеит: «Сара уахь снеиуеит, дысхәышәтәуеит». 8 Аха ар реиҳабы иҳәеит: «Ухаҵкы, сызусҭада сара, сыҩны унеиртә еиԥш? Ажәа заҵәык уҳәаргьы, смаҵуҩы дыбзиахоит. 9 Саргьы аӡә инапаҵаҟа сшыҟоугьы, снапаҵаҟагьы аруаа ыҟоуп. Руаӡәк „уца“ ҳәа иасҳәар, дцоит, егьи „уааи“ ҳәа иасҳәар, дааиуеит, смаҵуҩгьы „абри ҟаҵа“ ҳәа идысҵар, иҟаиҵоит». 10 Иисус ари аниаҳа, иџьеишьан, ишьҭанеиуаз ус реиҳәеит: «Аиаша шәасҳәоит, израильаа рыбжьара абри аҩыза ахаҵара змоу аӡә дсымбацт. 11 Сара ишәасҳәоит: мрагылареи мраҭашәареи рҟынтә аӡәырҩы ааны, жәҩантәи Аҳраҿы Авраами, Исааки, Иакови астол ирыцахатәоит. 12 Аҳра аԥацәа ракәзар, алашьцара иалажьхоит. Уа дара рхаԥыц аҿҿа арго иҵәыуалоит». 13 Уи ашьҭахь Иисус ар реиҳабы ус иеиҳәеит: «Уца аҩныҟа, ахаҵара ахьааурԥшыз азы, ишуҭаху еиԥш иҟалааит». Убри аамҭазгьы имаҵуҩы дыбзиахеит.

14 Иисус Пиотр иҩны даннеи ибеит, Пиотр ианхәа амцашоура лыманы дшышьҭаз. 15 Иисус лнапы аник, лымцашоура тәеит, ларгьы дҩагылан, ихәы аҟаҵара далагеит. 16 Ахәылбыҽха адемонцәа зхаԥаны иҟаз ауаа изнаргеит, иара ажәала урҭ рхицеит, ичмазҩызгьы ихәышәтәит. 17 Убас инаӡеит аԥааимбар Иса́иа ииҳәаз абарҭ ажәақәа: «Иара ҳхьаақәа ҳхихит, ҳчымазарақәа ҳрылиргеит».

18 Иисус ауаа рацәа шидеизалаз аниба, иҵаҩцәа нырцәҟа ҳаиасып ҳәа реиҳәеит. 19 Ус, закәанрҵаҩык Иисус дааидгылан, ус иеиҳәеит: «Арҵаҩы, сара уахьцалакгьы суццоит». 20 Аха Иисус иҳәеит: «Абгахәыҷқәа аҭыҩрақәа рымоуп, аҵарақәагьы — рыҭрақәа, аха ауаҩытәыҩса Иԥа ихы ахьыҵеикуаҵәҟьагьы имам». 21 Анаҩс иҵаҩцәа руаӡәк дааидгылан, ус иҳәоит: «Исықәиҭу, раԥхьа сцаны, саб ижра азин сыҭ». 22 Иисус ус иеиҳәеит: «Аԥсцәа рыԥсцәа ржлааит. Уара сара усышьҭаланы уаала».

23 Анаҩс иҵаҩцәагьы иаргьы анышь иақәтәан, амшын ихылеит. 24 Ус, амшын аҿы аԥша цәгьа шьҭыҵит. Ацәқәырԥақәа шьҭыҵын, анышь ӡаадырҟәрыло иалагеит. Аха иара уи аамҭазы дыцәан. 25 Иҵаҩцәа даадырԥшын, ус иарҳәеит: «Иҳақәиҭу, ҳаиқәырха, ҳӡааҟәрылоит, ҳаԥсуеит!» 26 Аха иара иҳәеит: «Шәзыршәеи абриаҟара? Иабаҟоу шәхаҵара?» Нас дгылан, аԥшагьы амшынгьы еиқәиртәеит. Иааҭынчрахеит. 27 Иҵаҩцәа иџьашьаны ирҳәон: «Дызусҭада, уара, ари?! Аԥшагьы амшынгьы ииҳәо ҟарҵоит».

28 Нырцә иҟаз гадаратәи аҳаблахь даннеи, анышәынҭрақәа рҟынтәи иаауаз, адемонцәа зхаԥаны иҟаз ҩыџьа ахацәа иԥылеит. Зегьы урҭ ирыцәшәон азы, уи амҩала аныҟәара аӡәгьы изыгәаӷьуамызт. 29 Дара хәаауа Иисус ус иарҳәеит: «Иуҭахузеи ҳара ҳҟынтә, Анцәа Иԥа? Ҳаамҭа ааиаанӡа ҳургәаҟларц азы аума узааз?» 30 Инахарашәа гәарҭак аҳәақәа адәы иқәын. 31 Убри аҟынтә адемонцәа Иисус иҳәо иалагеит: «Арҭ ҳархуцозар, абанҭ аҳәақәа ҳархаҵа». 32 Иисус иҳәеит: «Шәца!» Даргьы ауаа ирхыҵын, аҳәақәа ирхалеит. Аҳәақәагьы аҿҟьарсҭа аҟынтә иԥан, амшын рҽаларыжьын, аӡы иагеит. 33 Аҳәақәа ирхылаԥшуаз еибарыҩны ақалақь ахь ицан, ирбаз зегь ауаа ирзеиҭарҳәеит, адемонцәа зхаԥаны иҟаз ахацәа ирыхьыз атәгьы еиҭарҳәеит. 34 Ақалақь зегь аҟынтә ауаа еизан, Иисус иԥыларц ицеит. Данырба, рҳабла далҵны дцарц и́ҳәеит.

9 Иисус анышь днақәтәан, нырцә иҟаз иқалақь ахь дцеит. 2 Ус, шьоукы зхы иамыхәоз ахаҵа асакаса данҵаны дизнаргеит. Иисус урҭ рхаҵара шыӷәӷәаз аниба, ачымазаҩ ус иеиҳәеит: «Умшәан, сыҷкәын. Угәнаҳақәа уанасыжьуеит». 3 Уи заҳаз азакәанрҵаҩцәа шьоукы ус ихәыцуа иалагеит: «Ари Анцәа иҭыԥ ааникыларц дашьҭоуп». 4 Иисус урҭ зызхәыцуаз идыруан азы, иреиҳәеит: «Абарҭ рҩызцәа ахәыцра цәгьақәа зшәымои? 5 „Угәнаҳақәа уанасыжьуеит“ ҳәа аҳәара еиҳа имариаӡами, „угыланы уца“ ҳәа аҳәара аасҭа? 6 Аха ауаҩытәыҩса Иԥа адгьыл аҿы ауаа рыгәнаҳақәа ранажьра шилшо жәдыруазарц азы...» Нас иара ачымазаҩ ус иеиҳәеит: «Угыл, усакаса аашьҭыхны аҩныҟа уца». 7 Иаргьы дҩагылан, иҩныҟа дцеит. 8 Ари збаз зегь шәеит, ауаа ари аҩыза амчра рызҭаз Анцәа ирҳаракрагьы иалагеит.

9 Иисус дышнеиуаз, ашәахтә усҳәарҭаҿы итәаз Матфеи зыхьӡыз ахаҵа дибан, ус иеиҳәеит: «Усышьҭаланы уаала». Иаргьы дҩагылан, дишьҭаланы дцеит. 10 Ԥыҭрак ашьҭахь Иисус иҵаҩцәеи иареи Матфеи иҿы акрышырфоз, имаҷҩымкәа ашәахтәеизгаҩцәеи агәнаҳаҟаҵаҩцәеи неит. Урҭгьы нарыдтәалан, акрыфара иалагеит. 11 Аха афарисеицәа ари анырба, Иисус иҵаҩцәа ус рарҳәеит: «Шәырҵаҩы ашәахтәеизгаҩцәеи агәнаҳаҟаҵаҩцәеи дрыдтәаланы акрышԥарыцифо?!» 12 Иисус уи аниаҳа, ус реиҳәеит: «Згәы бзиоу ракәӡам аҳақьым дызҭаху, ичмазҩу роуп. 13 Убри аҟынтә шәцаны, шәрызхәыц Анцәа ииҳәаз абарҭ ажәақәа: „Сара исҭаху арыцҳашьара шәылазарц ауп, ашьтәақәа сызнажәгаларц акәӡам“. Сара сзааз сиашоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо рзы акәӡам, агәнаҳаҟаҵаҩцәа рзоуп».

14 Анаҩс Иоанн иҵаҩцәа неин, ус иазҵааит: «Афарисеицәеи ҳареи ҳачгоит, уара уҵаҩцәа зымчгои?» 15 Иисус ус реиҳәеит: «Зчара рураны иҟоу иҩызцәа данрыцу, урҭ гәырҩалароума? Иҩызцәа дрыцнаҵы, игәырҩаӡом. Аха иааиуеит аамҭа, зчара руа иҩызцәа данрымырхуа, убасҟан ауп дара ачгара ианалаго. 16 Иажәыз амаҭәа ақәыршә ҿыц ала иқәдыршәӡом, избанзар ақәыршә ҿыц уи еиҳагьы иԥнажәоит. 17 Аҩҿагьы иажәхьоу аҩҭра* иҭарҭәаӡом, избанзар уи аҩҭра еиҟәнажәоит, усҟан аҩгьы каҭәоит, аҩҭрагьы ԥхасҭахоит. Аҩҿа аҩҭра ҿыц ауп изҭарҭәо. Усҟан аҩгьы каҭәаӡом, аҩҭрагьы ԥхасҭахаӡом».

18 Убри иҳәонаҵы, асинагога аиҳабы днаидгылан, диеихырхәан, ус иеиҳәеит: «Сыԥҳа уажәшьҭа дыԥсхьазар ҟалап. Аха, суҳәоит, уаала, улылакьысыр, лыԥсы ҭалоит».

19 Иисусгьы дҩагылан, иҵаҩцәеи иареи уи ахаҵа ишьҭалеит. 20 Ус, 12 шықәса ишьабоз аԥҳәыс Иисус ишьҭахьҟала днаидгылан, имаҭәа акалҭ далакьысит, 21 избанзар гәаныла илҳәон: «Имаҭәа сакьысыргьы, сыбзиахоит». 22 Иисус данхьаԥш, уи аԥҳәыс дибан, ус леиҳәеит: «Бымшәан, сыӡӷаб. Бхаҵара бахәышәтәит». Ларгьы иаразнак дыбзиахеит.

23 Иисус асинагога аиҳабы иҩны даннеи, аҵәыуара иаҿыз ауаа рацәеи ауазашәа азырҳәоз аҿарпынрҳәаҩцәеи ибеит. 24 Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Шәдәылҵ, аӡӷаб дымԥсӡеит, дыцәоуп». Уи заҳаз ихыччара иалагеит. 25 Ауаа андәылҵ, иара дыҩналан, аӡӷаб лнапы ааникылеит, ларгьы дҩагылеит. 26 Иисус иҟаиҵаз зегьы ираҳаит.

27 Иисус имҩа ианациҵа, ҩыџьа алашәцәа наишьҭалан, иқәҿырҭуа иалагеит: «Давид Иԥа, ҳуҳәоит, ҳрыцҳашьа». 28 Иисус аҩны даныҩнала, алашәцәа наидгылеит. Иара урҭ дразҵааит: «Шәысхәышәтәыр шсылшо агәра жәгома?» Дара ирҳәеит: «Агәра ҳгоит, Иҳақәиҭу». 29 Усҟан рылақәа днарылакьысын, иреиҳәеит: «Ахаҵара шәымоуп азы, ижәбо шәҟалоит». 30 Даргьы ирбо иалагеит. Аха Иисус инақәырӷәӷәаны иреиҳәеит: «Амала, иҟасҵаз аӡәгьы иашәымҳәан». 31 Аха дара цан, зегьы ирыларҵеит.

32 Ахацәа дәылҵны ианцоз аламҭалазы, Иисус адемон дызхаԥаны иҟаз аҿаҳа дизнаргеит. 33 Иисус уи ауаҩ адемон данихица, аҿаҳа дцәажәо дҟалеит. Ажәлар иџьашьаны ирҳәон: «Ахаан Израиль ари аҩыза ҳамбацызт». 34 Аха афарисеицәа ирҳәон: «Ари ауаҩ ауаа адемонцәа злархицо адемонцәа раҳ* имчала ауп».

35 Иисус ақалақьқәеи ақыҭақәеи рахь ддәықәлеит. Иара асинагогақәа рҿы ауаа Анцәа иажәа дирҵон, зехьынџьара Аҳра иазку ажәабжь бзиа рылеиҳәон, чмазарас ирымаз зегь ихәышәтәуан. 36 Ауаа рацәа анибоз, игәы аҵәыуара иакуан, избанзар дара ахьча дызмамыз, ахәрақәа зныз, аӡәгьы ииҭахымыз ауасақәа иреиԥшын. 37 Иисус иҵаҩцәа рахь ихы нарханы ус иҳәеит: «Аҽаҩра беиоуп, аха аусуцәа маҷуп. 38 Убри аҟынтә аҽаҩра Зтәу шәиҳәала, аҭагаларазы аусуцәа ааишьҭырц».

10 Иисус 12-ҩык иҵаҩцәа даарыԥхьан, ауаа адемонцәа* рхырцаларц, насгьы ачымазцәа рхәышәтәларц азы амч риҭеит.

2 Абар 12-ҩык апостолцәа ирыхьӡыз: Пиотр ҳәа зарҳәоз Си́мон, уи иашьа Андреи, Зеведе́и иԥацәа Иакови Иоанни, 3 Филиппи Варфоломе́ии; Фомеи ашәахтә еизызгоз Матфеии; Алфе́и иԥа Иаков; Фадде́и; 4 Си́мон Канани́т*, насгьы ԥыҭрак ашьҭахь Иисус дызҭииз Иуда Искарио́т.

5 Иисус абарҭ 12-ҩык апостолцәа ауаа рахь идәықәиҵан, ус реиҳәеит: «Иауриам рахь шәымнеин, насгьы Самариа иатәу ақалақьқәа рахь шәымцан. 6 Иҟьалаз ауасақәа иреиԥшу израильаа заҵәык рахь шәцаны, 7 Анцәа иажәабжь рзеиҭашәҳәала, ишәҳәала: „Жәҩантәи Аҳра ааигәахеит“. 8 Ичмазҩу шәхәышәтәла, иԥсыз рыԥсы ҭашәҵала, ацәеилабаара змоу шәхәышәтәла, адемонцәа зхаԥаны иҟоу ирхышәцала. Амала ишшәоуз еиԥш, амала ирышәҭала. 9 Хьума, раӡнума, аԥара ҳәа акгьы шьҭышәымхын, 10 амҩаныфа зҭашәҵо макәанума, аҽыԥсахга маҭәоума, аԥсахга еимааума, лабашьоума, акгьы шәымган, избанзар аус зуа иифашагьы иоуеит.

11 Қалақьума, қыҭоума, шәахьнеиуазаалакгьы, ишәҳәо ажәабжь иаԥсоу дшәыԥшаала, шәцара аамҭа ааиаанӡагьы иара иҿы шәыҟаз. 12 Аҩны шәаныҩнало, уа инхо зегьы аԥсшәа рашәҳәа. 13 Шәрыдыркылар, уа инхо зегьы ирзеиӷьашәшьо аҭынчра роуааит, шәрыдрымкылар, шәҭынчра шәара шәахь ихынҳәааит. 14 Џьара шәрыдрымкылар, ма ишәҳәо азыӡырҩра рҭахымхар, уи аҩны шәандәылҵуа, ма ақалақь шәаналҵуа, шәшьапқәа ршәшәаны, асаба рықәышәх*. 15 Аиаша шәасҳәоит: Аӡбара амш аҽны Содо́ми Гомо́рреи еиҳа ирзымариахоит, уи ақалақь аасҭа.

16 Сара ажәабжь бзиа аҳәара шәсышьҭуеит, ақәыџьмақәа ирылоу ауасақәагьы шәреиԥшхоит, убри аҟынтә амаҭқәа реиԥш шәгәышәҽаныз, аха аҳәыҳәқәа реиԥш гызмалра шәыламыз. 17 Шәгәышәҽаныз, избанзар ауаа аусӡбарҭақәа рахь шәыргалоит, насгьы асинагогақәа рҿы шәрыпҟалоит. 18 Сара сыхьӡ азы анапхгаҩцәеи аҳцәеи рахь шәыргалоит, урҭгьы егьырҭ ажәларқәагьы сыӡбахә раҳарц азы. 19 Анапхгаҩцәа рҿаԥхьа шәнаганы шәандыргыло, ишәҳәаша шәмоур ҳәа шәымшәан, аҳәашьа шәақәшәом ҳәагьы шәгәы иаанамган, избанзар усҟан ишәҳәаша шәоуеит, 20 жәҩантәи Шәаб идоуҳала ишәҳәаша шәыҵеиҳәалоит. 21 Ауаҩы иашьа дыршьырц азы ауаа дриҭоит, абгьы — ихәыҷы. Ахәыҷқәагьы рҭаацәа ирҿагылоит, иршьырц азгьы ауаа ирырҭоит. 22 Сара сыхьӡ азы ауаа зегьы шәырцәымыӷхоит, аха аҵыхәтәанынӡа изычҳаз деиқәхоит. 23 Қалақьк аҿы ишәышьҭашәарыцо иалагар, даҽа қалақьк ахь шәца. Аиаша шәасҳәоит: израильтәи ақалақьқәа зегь шәрылсаанӡа, ауаҩытәыҩса Иԥа даауеит.

24 Аҵаҩы ирҵаҩ иаасҭа деиҳаӡам, амаҵуҩгьы — зымаҵ иуа иаасҭа. 25 Аҵаҩы ирҵаҩ иеиԥш дҟалар изхоит, амаҵуҩгьы — зымаҵ иуа иеиԥш. Аԥшәма Веельзеву́л* ҳәа изырҳәазар, иҩнаҭа иатәу зегь ус рзырымҳәаӡои? 26 Урҭ шәырцәымшәан, избанзар иҵәаху зегь цәыргахоит, имаӡоугьы маатыр залшом. 27 Шәара заҵәык ишәасҳәо ауаа зегь рҟынӡа инажәгала, маӡала ишәасҳәо ахыб шәықәгыланы ирылашәҳәала. 28 Шәызшьыр зҭаху шәырцәымшәан, избанзар урҭ ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара шәымхра рылшаӡом. Шәицәшәала Анцәа, избанзар иара шәишьыргьы илшоит, ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара шәмоуа, гееннаҟа* шәишьҭыргьы илшоит. 29 Ҩ-баӷырк капеик* ҳәа акәӡами ишырҭиуа? Ус шакәугьы, жәҩантәи Шәаб изгәамҭакәа баӷыркгьы кашәаӡом*. 30 Шәара шәакәзар, уи шәыхцәхәыцқәаҵәҟьа зегь ԥхьаӡаны имоуп. 31 Убри аҟынтә шәымшәан, шәара абаӷырқәа раасҭа акыр шәаԥсоуп.

32 Ауаа рҿаԥхьа исыдгыло, жәҩантәи Саб иҿаԥхьа саргьы сидгылоит, 33 ауаа рҿаԥхьа мап сцәызкуа, жәҩантәи Саб иҿаԥхьа саргьы мап ицәыскуеит. 34 Шәгәы иаанамган адгьыл ахь аҭынчра аазгарц азоуп сзааз ҳәа, аҭынчра акәӡам, а́ҳәа аазгарц азоуп сзааз. 35 Сара сааит аби аԥеи, ани аԥҳаи, анхәеи аҭацеи еилысхырц азы. 36 Ауаҩы ӷацәас иоуа иҭынхацәа ракәхоит. 37 Сара саҵкыс зан ма заб бзиа дызбо, сара дсыԥсаӡам. Сара саҵкыс зԥа ма зыԥҳа бзиа дызбо, сара дсыԥсаӡам. 38 Зышьаҟа* шьҭыхны, сара исышьҭаланы имцо, сара дсыԥсаӡам. 39 Зыԥсы* еиқәзырхарц иашьҭоу — иԥсҭазаара ицәыӡуеит, зыԥсҭазаара сара исыхҭнызҵо — иԥсы* еиқәирхоит.

40 Шәара шәыздызкыло, саргьы срыдыркылоит, сара сыздызкыло, саазышьҭызгьы дрыдыркылоит. 41 Аԥааимбар дахьԥааимбару азы дыздызкыло, аԥааимбар иоуа аҳамҭа аҩыза иоуеит, Анцәа имаҵзуҩы Анцәа имаҵ ахьиуа азы дыздызкыло, Анцәа имаҵзуҩы иоуа аҳамҭа аҩыза иоуеит. 42 Аиаша шәасҳәоит: зегь иреиҵоу руаӡәк сҵаҩы ахьиакәу азы ҵәыцак аӡы изыржәуа, иҳамҭа ицәыӡраны дыҟам».

11 Иисус 12-ҩык иҵаҩцәа иҟарҵалаша-ирулаша анреиҳәа, егьырҭ ақалақьқәа рахь ддәықәлеит, ауаа Анцәа иажәа дирҵаларц, насгьы ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәаларц азы.

2 Абахҭа иҭакыз Иоанн Христос иҟаиҵаз атәы аниаҳа, иҵаҩцәа ишьҭит, 3 иазҵаарц: «Уара уоума иаараны иҟаз, мамзаргьы даҽаӡә даараны дыҟоу?» 4 Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Шәцаны, ижәбаз-ишәаҳаз Иоанн иашәҳәа: 5 илашәыз ирбоит, ицыркьуаз ныҟәоит, ацәеилабаара змаз бзиахоит, идагәаз ираҳауеит, иԥсыз рыԥсы ҭалоит, иӷаругьы ажәабжь бзиа раҳауеит. 6 Насыԥ имоуп сара исыхҟьаны зхаҵара зцәымӡуа ауаҩы*».

7 Иоанн иҵаҩцәа анца, Иисус ажәлар Иоанн иӡбахә рзеиҭаҳәара далагеит. Иара иҳәеит: «Шәызцеи ацәҳәырахь? Ижәбарц ишәҭахызи? Аԥша иарҵысуа акалам акәызма шәызхәаԥшуаз? 8 Нас, ижәбарц ишәҭахыдаз? Амаҭәа бзиа зшәу ауаҩ иоума ижәбарц ишәҭахыз? Аҳҭынраҿы акәӡами амаҭәа бзиа зшәу ахьынхо? 9 Нас, шәызцеи уахь? Аԥааимбар дыжәбарц азоума? Ааи, уи дԥааимбаруп, аԥааимбар иаасҭагьы деиҳауп. 10 Иара иоуп изызку Аҩыра иану абарҭ ажәақәа: „Сара уара уаԥхьа ажәабжьҳәаҩ дсышьҭуеит. Иара амҩа узааиртуеит“. 11 Аиаша шәасҳәоит: адгьыл аҿы инхоз ауаа рыбжьара Иоанн Аӡӡаахҩы иаасҭа еиҳау дыҟамызт, аха жәҩантәи Аҳраҿы зегь иреиҵоу иара диеиҳауп. 12 Иоанн Аӡӡаахҩы имаҵзура даналага инаркны иахьа уажәраанӡа ауаа жәҩантәи Аҳра иашьҭоуп. Зхы иамеигӡакәа уи иашьҭоу ироуеит. 13 Избанзар Иоанн даанӡагьы аԥааимбарцәеи Моисеи изакәани иҟалараны иҟаз рҳәон. 14 Аиаша шәҭахызар, уи „иаараны иҟоу Илиа“ иоуп. 15 Алымҳақәа змоу дӡырҩлааит.

16 Изыҿсырԥшрыда ари абиԥара? Урҭ аџьармыкьаҿы итәаны ихәмаруа ахәыҷқәа иреиԥшуп. Дара егьырҭ ахәыҷқәа ирықәҿыҭны, 17 абас рҳәоит: „Ҳара аҿарпын шәзаҳарҳәон, аха шәара шәкәашаӡомызт. Ҳара ҳқьызқьызуа ҳҵәыуон, аха шәара шәҳацҵәыуаӡомызт“. 18 Убас еиԥш, Иоанн ифом-ижәуам, аха ауаа адемон дихоуп рҳәоит. 19 Ауаҩытәыҩса Иԥа акрагьифоит, акрагьижәуеит, аха ауаа аԥсыцәгьеи аҩыжәҩи ҳәа изырҳәоит, ашәахтә еизгаҩцәеи агәнаҳаҟаҵаҩцәеи рҩыза иоуп ҳәа рҳәоит. Аха ауаҩы дышҟәыӷоу иус бзиақәа роуп иаазырԥшуа».

20 Анаҩс Иисус иџьашьахәқәа реиҳарак ахьыҟаиҵаз ақалақьқәа дрықәыӡбо далагеит, избанзар уа инхоз ауаа рыгәнаҳақәа ирхьымхәӡеит. 21 Иара иҳәеит: «Изакә рыцҳароузеи иузыԥшу, ақалақь Хорази́н! Изакә рыцҳароузеи иузыԥшу, ақалақь Вифсаи́да! Шәара ижәбаз аус џьашьахәқәа Ти́ри Сидо́ни ирбазҭгьы, аџьабарамаҭәа рышәҵаны, ахәа илатәаны, рыгәнаҳақәа ирыхьхәхьазаарын. 22 Сара ишәасҳәоит: Аӡбара амш аҽны Ти́ри Сидо́ни еиҳа ирзымариахоит, шәара шәаасҭа. 23 Уаргьы, Капернау́м, ажәҩан аҟынӡа унаӡоит ҳәа угәыӷуама? Анышә* ахь ауп уахьцо. Уара иубаз аус џьашьахәқәа Содом иабазҭгьы, уи иахьа уажәраанӡагьы иҟазаарын. 24 Сара иуасҳәоит: Аӡбара амш аҽны Содом еиҳа иазымариахоит, уара уаасҭа».

25 Анаҩс Иисус иҳәеит: «Дгьыли-жәҩани знапаҿы иҟоу Саб, зегьы рҿаԥхьа уҳараскуеит, избанзар уара абарҭ аҵабыргқәа аҵара змоу, иҟәышу ауаа ирцәуҵәахит, аха ахәыҷқәа ирзаауртит! 26 Ааи, Саб, уара ус иуҭаххеит. 27 Саб зегьы снапы ианиҵеит. Аԥа ибзианы дыздыруа аӡәгьы дыҟам Аб ида, Абгьы ибзианы дыздыруа аӡәгьы дыҟам Аԥа ида, насгьы Аԥа Иаб иӡбахә ззеиҭеиҳәар иҭаху рыда. 28 Шәааи сара сахь икараханы иҟоу, аидара хьанҭа иаҵоу, сара шәымч ҭасҵоит. 29 Шәаҵал сара суӷә, сара шәысҿыԥшла, избанзар сара сҟәымшәышәуп, аԥагьара сылам*, шәымч шҭалогьы жәбап. 30 Избанзар суӷә маншәалоуп, сеидарагьы ласуп».

12 Асабшаҽны Иисус амхқәа драҩсны данцоз, ицыз иҵаҩцәа амла иакын, ачарыц ҿыхны афара иалагеит. 2 Афарисеицәа ари анырба, ус иарҳәеит: «Иубома уҵаҩцәа асабша шеиларго?» 3 Иисус иҳәеит: «Шәамыԥхьаӡаци Давид ицыз ауааи иареи амла ианакуаз иҟаиҵаз атәы? 4 Ишәгәаламшәаӡои Анцәа иҩны дыҩналаны, иԥшьоу ача* шифаз, ицызгьы ишриҭаз, уи аҟаҵара азин шрымамызгьы? Уи афара азин змаз аԥшьаҩцәа заҵәык ракәын. 5 Азакәан аҿы шәамыԥхьаӡаци асабшаҽны аныҳәарҭаҿы амаҵ зуаз аԥшьаҩцәа асабша ахьеиларгоз азы ахара шрыдмыз? 6 Аха сара ишәасҳәоит: ара аныҳәарҭа аасҭа ихадоу дыҟоуп. 7 „Сара исҭаху арыцҳашьара шәылазарц ауп, ашьтәақәа сзаажәгаларц акәӡам“ ҳәа Аҩыра иану иаанаго еилышәкаауазҭгьы, ахара здым шәрықәыӡбаӡомызт. 8 Ауаҩытәыҩса Иԥа асабша дақәиҭуп».

9 Уантәи Иисус асинагогахь дцеит. 10 Уа знапы ҩаз хаҵак дыҟан. Афарисеицәа Иисус ахара идырҵарц рҭахын азы: «Асабшаҽны ауаҩы духәышәтәыр ҟалома?» — ҳәа иазҵааит. 11 Иара иреиҳәеит: «Шәуасазаҵә асабшаҽны ажра иҭаҳазҭгьы, иҭышәымгаӡози? 12 Нас ауаҩы ауаса аасҭа бзиа дбатәӡами? Убри аҟынтә асабшаҽны абзиара ҟауҵар ҟалоит». 13 Анаҩс Иисус уи ахаҵа ус иеиҳәеит: «Унапы уаах». Иаргьы инапы анааиҵих, иаабзиахеит. 14 Афарисеицәа дәылҵын, Иисус дыршьырц рыӡбеит. 15 Иисус уи анеиликаа, уантәи дцеит. Ишьҭалазгьы рацәаҩхеит, иаргьы урҭ зегь ихәышәтәит, 16 сыӡбахә аӡәгьы иашәымҳәан ҳәагьы инақәырӷәӷәаны иреиҳәеит. 17 Убас инаӡеит аԥааимбар Иса́иа ииҳәаз абарҭ ажәақәа:

18 «Абри иоуп иалысхыз, бзиа избо, сыззыразу смаҵзуҩы! Сара уи сдоуҳа исҭоит, иаргьы ажәларқәа аиашара закәу деилиркаауеит. 19 Иара аӡәгьы ажәа имеикӡом, ибжьы ирдуӡом, амҩадуқәа рҿгьы ибжьы аӡәгьы иаҳаӡом. 20 Иара аиашара шьақәиргылаанӡа, ихжәаны иҟоу акалам ԥиҵәаӡом, аҿыцәаара иаҿу афҭилгьы ирцәаӡом. 21 Ажәларқәагьы ихьӡ иақәгәыӷлоит».

22 Ԥыҭрак ашьҭахь Иисус адемон дызхаԥаны иҟаз ахаҵа дизнаргеит. Иара дагьлашәын, дагьҿаҳан. Иисус уи ахаҵа данихәышәтә ашьҭахь, иара ацәажәарагьы, абарагьы далагеит. 23 Ажәлар ирбаз џьашьаны ирҳәеит: «Абри иакәзар Давид Иԥа?» 24 Афарисеицәа ари анраҳа, ус рҳәеит: «Ари ауаҩ ауаа адемонцәа злархицо адемонцәа раҳ Веельзеву́л* имчала ауп». 25 Иисус урҭ ирхәыцуаз идыруан азы, ус реиҳәеит: «Аҳҭынраҿы инхо ауаа дара-дара еибашьлар, аҳҭынра еилаҳауеит, ҩнык еицыҩноу еибашьлар, уи аҩнгьы еилаҳауеит. 26 Аҩсҭаа дызхаԥаны дыҟоу ихы рхицозар, ихы даҿагылоит. Нас, еиқәхару иара иаҳра? 27 Сара ауаа адемонцәа злархысцо Веельзеву́л имчала акәзар, шәара шәҵаҩцәа уи злаҟарҵои? Убри аҟынтә шәҵаҩцәа шәара ишәықәыӡбалоит. 28 Аха ауаа адемонцәа злархысцо Анцәа имчала акәзар, уи иаанаго Анцәа Иаҳра ааит ауп, аха шәара уи шәызгәамҭаӡеит. 29 Ахаҵа ӷәӷәа дҿамҳәаӡакәа, иҩны арҳәра ӡәыр илшома? Данҿеиҳәалак ашьҭахь ауп дирҳәыр анилшо. 30 Сара исыдымгыло дысҿагылоит, ауаа сара сахь иааирц азы аџьабаа сыцзымбо урҭ сцәеиԥхьирттоит.

31 Убри аҟынтә сара ишәасҳәоит: ауаҩы иҟаиҵалакгьы, ииҳәалакгьы, игәнаҳа ианажьхоит. Аха Анцәа идоуҳа иакәым азызҳәо, игәнаҳа ианажьхом. 32 Ауаҩытәыҩса Иԥа аиакәым изызҳәо, игәнаҳа ианажьхоит, аха иԥшьоу адоуҳа аиакәым азызҳәо, игәнаҳа иахьагьы ианажьхом, ҳаԥхьаҟагьы* ианажьхом.

33 Шәыҵла бзиазар, иҿало ашәыргьы бзиахоит, ибаазар, иҿало ашәыргьы баазаауеит. Аҵла злардыруа иҿало ашәыр алоуп. 34 Амаҭқәа ирхылҵыз шәара, шәгәы ацәгьара ҭазар, абзиара злашәҳәои? Ауаҩы игәы иҭоу ауп иҿы иаҳәо. 35 Ауаҩ бзиа абзиоуп ииҳәо, избанзар игәы иҭоу бзиоуп. Ауаҩы цәгьа ииҳәогьы цәгьоуп, избанзар игәы иҭоу цәгьоуп. 36 Сара ишәасҳәоит: Аӡбара амш аҽны ауаа иаарҳәахьоу зегь азы Анцәа иҿаԥхьа аҭак ҟарҵоит. 37 Иуҳәоз бзиазҭгьы, Анцәа ууаҩ бзиоуп ҳәа иԥхьаӡоит, иуҳәоз ҽеимызҭгьы, Анцәа дуқәыӡбоит».

38 Усҟан азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи ирҳәеит: «Ҳарҵаҩы, Анцәа ушааишьҭыз шьақәзырӷәӷәо адырга ҳурбар ҳҭахуп». 39 Иисус иҳәеит: «Анцәа даанзыжьыз абиԥара цәгьа есымша адырга иашьҭоуп, аха урҭ аԥааимбар Ио́на идырга ада акгьы рбараны иҟаӡам. 40 Ио́на хаха-хымш аԥсыӡ ду амгәа дышҭаз еиԥш, ауаҩытәыҩса Иԥагьы хаха-хымш анышә агәы дамазаауеит. 41 Нине́виа инхоз ауаа аӡбара аан ари абиԥара иацгылоит, насгьы уи иақәыӡбоит, избанзар Нине́виа инхоз ауаа Ио́на ииҳәаз анраҳа, рыгәнаҳақәа ирыхьхәит. Аха ара Ио́на иеиҳау дыҟоуп. 42 Аӡбара аан шеватәи аҳкәажә ари абиԥара дацгылоит, насгьы дақәыӡбоит. Лара Соломон иажәа ҟәышқәа лаҳарц азы адгьыл аҵыхәантәи дааит. Аха ара Соломон иеиҳау дыҟоуп.

43 Адемон* ауаҩы данихыҵлак ашьҭахь, дыхрааӡраауа ацәҳәырақәа дрықәлоит, анхарҭа иԥшаарц азы, аха акгьы изыԥшааӡом. 44 Усҟан иара иҳәоит: „Схынҳәып сахьынтәиааз“. Даныхынҳәлак ибоит аҩны шҭацәу, насгьы иԥссаны, еилырганы, иԥшӡаӡа ишыҟоу. 45 Усҟан дцаны, иара иеицәоу даҽа 7-ҩык адемонцәа иманы даауеит. Дара уи аҩны иҩналаны анхара иалагоит, ауаҩгьы раԥхьа дшыҟаз аасҭа еиҳа деицәахоит. Убриоуп ари абиԥара цәгьагьы иахьуа».

46 Иисус ажәлар драцәажәонаҵы, иани иашьцәеи ааит. Дара адәаҿы игыланы изыԥшын, иацәажәарц азы. 47 Ус, аӡәы иҳәеит: «Уани уашьцәеи адәахьы игылоуп, иуацәажәар рҭахуп». 48 Иисус уи диазҵааит: «Дызусҭада сан? Изусҭцәада сашьцәа?» 49 Нас иҵаҩцәа рахь инапы наирхан, иҳәеит: «Абар сан дахьыҟоу, абар сашьцәа ахьыҟоу! 50 Ажәҩан аҿы иҟоу Саб ииҭаху ҟазҵо иоуп иагьсашьоу, иагьсаҳәшьоу, иагьсану».

13 Убри аҽны Иисус аҩны дындәылҵын, амшын аԥшаҳәахьы дцан, уа днатәеит. 2 Аха ажәлар анидеизала, анышь дақәтәеит, дара аԥшаҳәаҿы иаанхеит. 3 Анаҩс иара аҿырԥштәқәа ааганы рацәажәара далагеит. Иара иҳәеит: «Нхаҩык амхы алаҵара дцеит. 4 Ажәла аниҟьоз, жәлақәак амҩахь икаԥсеит. Нас аҵарақәа ааин, урҭ ажәлақәа рфеит. 5 Егьырҭ рацәак анышә ахьыҟамыз ахаҳәраҿы икаԥсеит азы, иаразнак ирызҳаит. 6 Аха адацқәа рмышьҭӡацызт азы, амра анрықәыԥха, иканӡан, иҩеит. 7 Егьырҭ амаӷра илаԥсеит. Амаӷра ангыла, иааз ажәла ахәаҽит. 8 Жәлақәак адгьыл бзиаҿы икаԥсеит азы, иларҵаз аасҭа 100-нтә, 60-нтә, 30-нтә еиҳаны аҽаҩра ааргеит. 9 Алымҳақәа змоу дӡырҩлааит».

10 Ус иҵаҩцәа наидгылан, иазҵааит: «Избан аҿырԥштәқәа ааганы узрацәажәо?» 11 Иара иҳәеит: «Анцәа шәара ишәзааиртит жәҩантәи Аҳра амаӡа ԥшьақәа, аха урҭ ирзааимыртӡеит. 12 Ак еилызкаауа еиҳагьы еиликаауа дҟалоит, акгьы ззеилымкаауа еиликаауа ахәыҷгьы ицәыӡуеит. 13 Убри азоуп аҿырԥштәқәа ааганы сызрацәажәо. Избанзар дара ԥшуеит, аха ирбаӡом, иӡырҩуеит, аха ираҳаӡом, исҳәо ҵакыс иамоугьы рзеилкааӡом. 14 Убас инаӡоит урҭ ирызкны Иса́иа ииҳәаз аԥааимбаражәа: „Шәара ишәаҳалоит, аха ишәзеилкааӡом, шәахәаԥшлоит, аха ижәбаӡом. 15 Арҭ ауаа ргәы хаҳәхеит. Дара ираҳауеит, аха ираҳауа иқәныҟәаӡом, акгьы рымбаларц азы рылақәа хырҩоит, ирмаҳаларц азы рлымҳақәа рыџьгәоит, убри аҟынтә исҳәо рзеилкааӡом, исхәышәтәырц азгьы сара сахь ихынҳәӡом“.

16 Аха шәара насыԥ шәымоуп, избанзар шәылақәа ирбоит, шәлымҳақәагьы ираҳауеит. 17 Сара ишәасҳәоит: аԥааимбарцәагьы Анцәа имаҵзуҩцәагьы* шәара ижәбо рбар рҭахын, аха ирымбаӡеит, ишәаҳауагьы раҳар рҭахын, аха ирмаҳаӡеит.

18 Уажәшьҭа шәазыӡырҩы лаҵара ицаз анхаҩы изку аҿырԥштәы иаанаго. 19 Аҳра иазку ажәа заҳауа, аха уи зхы азызмышьҭуа ауаҩ иахь Аҩсҭаа* днеины, игәаҿы иларҵаз ажәла иӷьычуеит. Убас рыхьуеит амҩаҿы икаԥсаз ажәлақәа. 20 Ажәла ахаҳәраҿы иахькаԥсаз иаанагоит ауаҩы ажәа шиаҳаз. Иара уи дгәырӷьаҵәа иаразнак идикылоит, 21 аха игәаҵанӡа инеиӡом. Аамҭак аҩныҵҟа ахаҵара шааирԥшуагьы, уи ажәа иахҟьаны ауадаҩрақәа ма ашьҭашәарыцарақәа данрықәшәалак, ихаҵара ицәыӡуеит. 22 Ажәла амаӷра иахьылаԥсаз иаанагоит ауаҩы ажәа шиаҳаз. Аха иахьатәи аԥсҭазаара* иацу аусқәеи узжьо амали уи ажәа рхәаҽуеит, аҽаҩра заанамгогьы иҟарҵоит. 23 Ажәла адгьыл бзиаҿы иахькаԥсаз иаанагоит ауаҩы ажәа шиаҳаз. Иара уи ихы азишьҭуеит, насгьы аҽаҩра ааигоит: аӡәы илаҵаз аасҭа 100-нтә еиҳаны, егьи — 60-нтә, даҽаӡәы — 30-нтә».

24 Иисус даҽа ҿырԥштәык рзеиҭеиҳәеит. Иара иҳәеит: «Жәҩантәи Аҳра зымхаҿы ажәла бзиақәа лазҵаз ауаҩы иеиԥшуп. 25 Зегь ахьынӡацәаз, иаӷа дааин, ачарыц ахьылаз аҳаскьын бааԥс лаҵаны дцеит. 26 Ачарыц аныхҳәа, аҳаскьын бааԥсгьы гылеит. 27 Амхы зтәыз имаҵуцәа ааин, ус иазҵааит: „Ухаҵкы, ажәла бзиақәа ракәӡами илоуҵаз? Иабаанагеи аҳаскьын бааԥс?“ 28 Иара иҳәеит: „Уи лазҵаз саӷа иоуп“. Амаҵуцәа ус рҳәеит: „Иуҭахызар, ҳцаны иҵаҳхуеит“. 29 Иара иҳәеит: „Мап. Аҳаскьын бааԥс аныҵышәхуа, ишәызгәамҭаӡакәа ачарыцгьы ыҵышәхыр алшоит. 30 Ҭагалара ааиаанӡа еицрызҳалааит. Аҭагалара аан аҽаҩра ҭазгало ус расҳәоит: ‚Раԥхьа аҳаскьын бааԥс еизганы иҿашәҳәа, ижәблырц азы, нас ачарыц еизганы, сца иҭашәыԥса‘“».

31 Иисус урҭ даҽа ҿырԥштәык рзеиҭеиҳәеит. Иара иҳәеит: «Жәҩантәи Аҳра ауаҩы имхаҿы илеиҵаз ажәла сса* иаҩызоуп. 32 Уи ажәла зегь раасҭа иссоуп, аха ианазҳалак иҵла духоит, убри аҟынтә аҵарақәа ааны, амахәқәа рҿы рыҭрақәа ҟарҵоит».

33 Даҽа ҿырԥштәыкгьы рзеиҭеиҳәеит: «Жәҩантәи Аҳра амажәарҵәыга иаҩызоуп. Аԥҳәыс уи 10 кьылак ачашыла иалалкәаҳан, амажәа зегь арчит».

34 Абри зегьы Иисус аҿырԥштәқәа ааганы ауп ишырзеиҭеиҳәоз. Аҿырԥштәқәа аамгаӡакәа ауаа драцәажәаӡомызт. 35 Убас инаӡеит аԥааимбар ила иҳәаз абарҭ ажәақәа: «Сара аҿырԥштәқәа ааганы сцәажәалоит. Адунеи анышьақәыргылаз инаркны* иҵәахыз еиҭасҳәалоит».

36 Ажәлар анца, Иисус аҩны дыҩналеит. Иҵаҩцәа наидгылан, ус иарҳәеит: «Иаҳзеиҭаҳәа амхаҿы иларҵаз аҳаскьын бааԥс иазку аҿырԥштәы иаанаго». 37 Иара иҳәеит: «Ажәла бзиа лазҵаз анхаҩы — ауаҩытәыҩса Иԥа иоуп. 38 Амхы — адунеи ауп, ажәла бзиақәа — Аҳра аԥацәа роуп, аҳаскьын бааԥс — Аҩсҭаа* иԥацәа роуп. 39 Урҭ лазҵаз аӷа — Аџьныш иоуп. Ҭагалара — ари адунеи аҵыхәтәантәи амшқәа* роуп, аҭагалаҩцәа — амаалықьцәа роуп. 40 Аҳаскьын бааԥс еизганы, амца иалажьны ишырбылуа еиԥш, убас иҟалоит ари адунеи аҵыхәтәа анааиуагьы. 41 Ауаҩытәыҩса Иԥа имаалықьцәа ааишьҭуеит, ауаа агәнаҳа дзырҟаҵо, насгьы ацәгьара ҟазҵо зегьы Иаҳра аҟынтә иқәыргарц азы. 42 Дара урҭ амца қьоуқьад иаларыжьуеит. Уа дара рхаԥыц аҿҿа арго иҵәыуалоит. 43 Усҟан Анцәа игәы иақәшәо ауаа Раб Иаҳраҿы амра еиԥш илашалоит. Алымҳақәа змоу дӡырҩлааит.

44 Жәҩантәи Аҳра адгьыл аҿы иҵәаху ахьы иеиԥшуп. Изыԥшааз ауаҩы уи еиҭа иҵәахын, дгәырӷьаҵәа дцаны, имаз зегь иҭиуеит, уи адгьыл ааихәарц азы.

45 Жәҩантәи Аҳра абырлаш хазына иашьҭоу ахәаахәҭҩы иеиԥшуп. 46 Иара зыхә ҳараку абырлаш аниԥшаа, дцан, иаразнак иааимаз зегь иҭиин, уи ааихәеит.

47 Иара убас жәҩантәи Аҳра амшын иаларыжьыз, аԥсыӡ хкқәа зкыз акаҭа иеиԥшуп. 48 Акаҭа анҭәы, аҟәара иқәрыжьын, иадтәаланы аԥсыӡ еилырхит, абзиа аанрыжьит, ацәгьа наҟ икарыжьит. 49 Убасоуп ишыҟало ари адунеи аҵыхәтәа анааиуагьы. Иаауеит амаалықьцәа. Дара ауаа цәгьақәеи ауаа бзиақәеи еилырхуеит. 50 Нас ауаа цәгьақәа амца қьоуқьад иаларыжьуеит. Уа дара рхаԥыц аҿҿа арго иҵәыуалоит».

51 Анаҩс Иисус дразҵааит: «Исҳәаз иаанаго еилышәкаама?» «Еилаҳкааит», — рҳәеит дара. 52 Иара иҳәеит: «Ижәдыруаз, жәҩантәи Аҳра атәы еилызкааз арҵаҩы зхазынаҭра иҿыцугьы иажәхьоугьы ҭызго аԥшәма диеиԥшуп».

53 Иисус абарҭ аҿырԥштәқәа еиҭаҳәаны данрылга, уантәи дцеит. 54 Иахьизҳаз аҭыԥ ахь даннеи, асинагогаҿы Анцәа иажәа дырҵара далагеит. Ауаагьы иџьашьаны ирҳәон: «Изҭада абри ауаҩ абри аҩыза аҟәыӷара? Аџьашьахәқәа рыҟаҵара илшартә еиԥш амч изҭада? 55 Ауасҭа иԥа иакәӡами? Иан Мариа лакәӡами? Иакови, Иосифи, Си́мони, Иудеи иашьцәа ракәӡами? 56 Иаҳәшьцәагьы ҳара иҳаланхо ракәӡами? Нас, иабантәидыруеи абри зегьы?» 57 Дара Иисус игәра рымгаӡеит, аха иара ус реиҳәеит: «Аԥааимбар зехьынџьара ҳаҭыр иқәырҵоит, дахьааӡаз ақалақьи иҩнаҭеи рыда». 58 Ахаҵара ахьрымамыз азы Иисус уа аџьашьахәқәа рацәаны иҟаимҵаӡеит.

14 Галилеиа напхгаҩыс иҟаз И́род* Иисус иӡбахә иаҳан, 2 имаҵуцәа ус реиҳәеит: «Ари Иоанн Аӡӡаахҩы иоуп. Уи иԥсы ҭалеит, убри азоуп аџьашьахәқәа рыҟаҵаразы амч зимоу». 3 Иродиа́да лҵыхәала И́род Иоанн зынџьырла* дҿаҳәаны абахҭа дҭеикхьан. Лара И́род иашьа Филипп иԥҳәыс лакәын азы, 4 Иоанн И́род иеиҳәон: «Уара уи ԥҳәысс лгара азин умаӡам». 5 И́род Иоанн дишьыр иҭахын, аха ажәлар дрыцәшәон, избанзар урҭ уи ԥааимбарс дрыԥхьаӡон. 6 И́род имшира аназгәарҭоз, Иродиа́да лыԥҳа асасцәа рзы дкәашон. И́род уи лыкәашашьа даараӡа игәаԥхеит. 7 Убри азы дқәит, иаалҭаххо зегь шлиҭо. 8 Ларгьы, лан ишлыҵалҳәаз еиԥш, ус иалҳәеит: «Иоанн Аӡӡаахҩы ихы асаан ианҵаны исзаага». 9 И́род уи игәамԥхеит, аха асасцәа ишраҳауаз дықәхьан азы, аӡӷаб илҭахыз лзааргарц адҵа ҟаиҵан, 10 Иоанн ихы хырҵәарц азы ауаа абахҭахь ишьҭит. 11 Даргьы Иоанн ихы рыманы иаан, аӡӷаб илырҭеит, аӡӷаб — лан илзылгеит. 12 Ԥыҭрак ашьҭахь Иоанн иҵаҩцәа аԥсы дганы дыржит. Анаҩс ицан, иҟалаз зегь Иисус иарҳәеит. 13 Иисус уи аниаҳа, анышь днақәтәан, аӡәгьы дахьиԥырхагамхоз аҭыԥ ахь дцеит. Аха ажәлар уи анеилыркаа, рықалақьқәа рҟынтә шьапыла ишьҭаланы уахь ицеит.

14 Иисус анышь данақәҵ, ауаа рацәа ибеит. Иара урҭ рыцҳаишьеит, ичмазҩызгьы ихәышәтәит. 15 Ахәлара ианалага, иҵаҩцәа наидгылан, ус иарҳәеит: «Ари аҭыԥ аҿы уаҩ дынхом, аамҭагьы акыр инеихьеит, ажәлар наҟ ишьҭы, ақыҭақәа рахь ицаны, ирфаша аархәарц азы». 16 Аха Иисус иҳәеит: «Иаҭахӡам, ирфаша шәара ирышәҭ». 17 Дара ирҳәеит: «Ҳара хә-чаки ҩ-ԥсыӡки роуп иҳамоу, уаҳа акгьы ҳамаӡам». 18 Иара ус реиҳәеит: «Арахь исзаажәг». 19 Анаҩс ажәлар ашьац илатәарц реиҳәеит. Нас хә-чаки ҩ-ԥсыӡки иган, ажәҩан днаҵаԥшны Анцәа диҳәеит*. Уи ашьҭахь ача ԥҽны иҵаҩцәа ириҭеит, иҵаҩцәа — ауаа ирырҭеит. 20 Зегьы рызхара рфеит. Иаанхаз ача анеизырга, 12 каҵкәыр ҟалеит. 21 Акрызфаз 5 000-ҩык раҟара ахацәа ыҟан, аҳәсеи ахәыҷқәеи аламҵаӡакәа. 22 Уи ашьҭахь аамҭа мгакәа, Иисус иҵаҩцәа анышь иақәтәаны, нырцәҟа ицарц реиҳәеит. Иара ихаҭа ажәлар наскьеигарц даангылеит.

23 Ажәлар анынаскьеига, Анцәа диҳәарц азы ашьха дхалеит. Аҵх кыр ишцахьазгьы, иара уа ихала дыҟан. 24 Уи аамҭазы анышь амшын агәахьы инеихьан. Ус, аԥша цәгьа аашьҭыҵын, ацәқәырԥақәа анышь кыдҟьо ирыманы идәықәлеит. 25 Ашара иалагаанӡа, Иисус аӡы дықәгыланы, иҵаҩцәа рахь иҿынеихеит. 26 Иисус иҵаҩцәа аӡы иқәгыланы иааиуаз ауаҩы игага анырба, ишәан: «Лаԥшҵашәароума?! Иаауа закәызеи?!» — ҳәа иҳәҳәеит. 27 Иисус ус реиҳәеит: «Шәымшәан! Сара соуп». 28 Пиотр иҳәеит: «Уара уакәзар, Исықәиҭу, саргьы аӡы сықәгыланы уара уахь снеиртә иҟаҵа». 29 Иисус иҳәеит: «Уааи!» Пиотргьы анышь дақәҵын, аӡы дықәгыланы, Иисус иахь иҿынеихеит. 30 Аха ацәқәырԥақәа данрыхәаԥш, дшәеит, дӡааҟәрыло даналага, дыҳәҳәаны ҿааиҭит: «Исықәиҭу, сеиқәырха!» 31 Иисус иаразнак Пиотр инапы дамҵасын, иҳәеит: «Иабаҟоу ухаҵара? Сыгәра зумгеи?» 32 Рҩыџьагьы анышь ианақәтәа, аԥша еиқәтәеит. 33 Усҟан анышь иақәтәаз зегь иеихырхәан, ус рҳәеит: «Уара Анцәа Иԥа уакәҵәҟьоуп». 34 Нас нырцәҟа рхы дырхан, геннисаре́ттәи аԥшаҳәаҿы иӡхыҵит.

35 Уи аҭыԥ аҿы инхоз ауаа Иисус данырдыр, дшааз зегьы ирыларҵеит, ауаагьы рчымазцәа зегь рыманы изнеит. 36 Дара иҳәон ма имаҭәа акалҭ иалаиркьысырц. Иалакьысуазгьы зегь бзиахон.

15 Анаҩс афарисеицәеи азакәанрҵаҩцәеи Иерусалимынтәи Иисус иахь инеин, ус иарҳәеит: 2 «Уҵаҩцәа ҳабацәеи ҳабдуцәеи рҵасқәа зеиларгои? Акрыфара иантәо, рнапқәа зырмыӡәӡәои*?»

3 Иисус ус реиҳәеит: «Избан шәара шәабацәеи шәабдуцәеи рҵасқәа нашәыгӡаларц азы, Анцәа изакәанқәа зеилажәго? 4 Анцәа иҳәеит: „Уани уаби ҳаҭыр рықәҵала“, иара убас „Зани заби зшәиуа дышьтәуп“. 5 Аха шәара ишәҳәоит: „Аӡәы иан ма иаб ,исымоу Анцәа изыскхьеит, сызшәыцхрааӡом’ ҳәа реиҳәар, 6 иани иаби имбаргьы ҟалоит“. Убас ала шәҵасқәа раҳаҭыр азы Анцәа иажәа шәаӷрагылеит. 7 Ҩ-цәак зхарԥоу шәара, аԥааимбар Иса́иа ибзиаҵәҟьаны ишәзиҳәеит абарҭ ажәақәа: 8 „Арҭ ауаа анцәажәо, ҳаҭыр сықәырҵоит, аха рыгәқәа сара исцәыхароуп. 9 Баша исымҵахырхәоит, избанзар дара ажәлар иддырҵо ауаа ирхәыцыз аҵасқәа роуп“». 10 Анаҩс ажәлар рахь ихы рханы, иҳәеит: «Шәаасзыӡырҩы, ишәасҳәогьы шәазхәыц: 11 ауаҩы дызҟьашьуа иҿы иҭало акәӡам, иҿы иҭыҵуа ауп».

12 Анаҩс Иисус иҵаҩцәа ааин, ус иарҳәеит: «Иуҳәаз афарисеицәа ргәы ишалсыз удыруоу?» 13 Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Жәҩантәи Саб еиҭеимҳаз адац ианкны иҵыххоит. 14 Шәырҟәаҵ, урҭ лашәуп, арахь егьырҭ амҩа ддырбарц иаҿуп. Аха алашә алашә днеига-ааигозар, рҩыџьагьы ажра иҭаҳауеит». 15 Усҟан Пиотр иҳәеит: «Уи аԥхьа иааугаз аҿырԥштәы иаанаго ҳзеиҭаҳәа». 16 Иисус иҳәеит: «Уажәыгьы ишәзеилымкааӡаци? 17 Ишәзымдырӡои ауаҩы иҿы иҭало имгәахь ишцо, нас уаантәи ишҭыҵуа? 18 Аха ауаҩы иҿы иҭыҵуа игәы иҭоу ауп, дызҟьашьуагьы уи ауп. 19 Агәы аҟынтә ауп иахьаауа ауаҩшьреи, ахатә ҩыза иԥсахреи, асексуалтә ламысдареи*, аӷьычреи, амцҳәареи, Анцәеи ауааи иакәым рызҳәареи рҟынӡа уназго ахәыцра цәгьақәа. 20 Абарҭ роуп ауаҩы дызҟьашьуа, инапы мыӡәӡәаӡакәа акрахьифо акәӡам».

21 Уаантәи Иисус Ти́ри Сидони рганахь дцеит. 22 Ус, финикиатәи ԥҳәыск Иисус иахь днеин, дҵәыуо иҳәара далагеит: «Исықәиҭу! Давид Иԥа! Срыцҳашьа, суҳәоит. Сыԥҳа адемон диргәаҟуеит». 23 Аха Иисус ажәакгьы леимҳәаӡеит. Усҟан иҵаҩцәа наидгылан, ус иарҳәеит: «Наҟ бца ҳәа лоумҳәо. Дааҟәымҵӡакәа дҵәыуо дҳашьҭоуп». 24 Иара иҳәеит: «Анцәа сзааишьҭыз иҟьалаз ауасақәа иреиԥшу израильаа рзоуп, зегьы рзы акәӡам». 25 Аха лара Иисус иҿаԥхьа дшьамхышгылан, диҳәеит: «Исықәиҭу, усыцхраа!» 26 Иара иҳәеит: «Ача ахәыҷқәа ирымхны, аласбақәа ируҭар иашаӡам». 27 Лара илҳәеит: «Иашоуп, Исықәиҭу. Аха аласбақәагьы аԥшәмацәа ирыцәкаԥсо ахәашақәа рымфои». 28 Усҟан Иисус ус леиҳәеит: «Уа бара аԥҳәыс, шаҟа иӷәӷәоузеи бхаҵара! Бгәы ишаҭаху иҟалааит». Убри аминуҭ азгьы лыԥҳа дыбзиахеит.

29 Уантәи Иисус Галилеиатәи амшын ахь дцеит, ахәы дхалан, уа даатәеит. 30 Аха ажәлар идеизалан, рчымазцәа ишьапаҿы ишьҭарҵеит, иаргьы урҭ ихәышәтәит. Уа иҟан ицыркьуаз, зхы иамыхәоз, илашәыз, иҿаҳаз, иара убас егьырҭ ачымазарақәа змаз. 31 Иҿаҳаз ацәажәара иалагеит, зхы иамыхәоз бзиахеит, изымныҟәоз аныҟәара иалагеит, илашәыз ирбо иҟалеит. Ауаа уи зегь анырба, даара иџьаршьеит, израильаа Рынцәа ирҳаракрагьы иалагеит.

32 Иисус иҵаҩцәа даарыԥхьан, ус реиҳәеит: «Арҭ ауаа рыцҳахеит, избанзар хымш ҵуеит исыцуижьҭеи, арахь ирфо ҳәа акгьы рымаӡам. Амла ишакуа аҩныҟа исышьҭыр сҭахӡам, амҩан рымчқәа каԥсар алшоит». 33 Аха иҵаҩцәа ирҳәеит: «Иабааҳго уаҩ дахьнымхо ари аҭыԥ аҿы арсҟаҩык ауаа ирҿаҳҵаша ача?» 34 Иисус дразҵааит: «Шаҟа ча шәымои?» — «Быжь-чаки ԥсыӡ ссақәаки», — рҳәеит дара. 35 Ажәлар ашьац илатәарц анреиҳәа ашьҭахь, 36 быжь-чаки аԥсыӡи иган, Анцәа иҭабуп ҳәа иеиҳәан, иԥыҽҽны иҵаҩцәа ириҭеит, иҵаҩцәа ауаа ирырҭеит. 37 Зегьы рызхара рфеит. Ирзымфаз анеизырга, быжь-каҵкәыр дук рызна ҟалеит. 38 Акрызфаз 4 000-ҩык ахацәа ыҟан, аҳәсеи ахәыҷқәеи аламҵаӡакәа. 39 Нас Иисус ажәлар ауишьҭын, анышь дақәтәаны Магаданҟа дцеит.

16 Афарисеицәеи асаддукеицәеи Иисус дԥыршәарц азы иара иахь инеин, ажәҩан аҟынтә адырга дирбарц и́ҳәеит. 2 Аха иара иреиҳәеит: «Ахәлара ианалаго, шәара ишәҳәоит: „Уаҵәы амш бзиахоит, избанзар ажәҩан ашәаԥшь хуп“. 3 Ашьжьымҭан ишәҳәоит: „Иахьа амш цәгьахоит, ақәагьы леиуеит, избанзар ажәҩан ҟаԥшьуп, аха еихәлачуп“. Ажәҩан шәанаҵаԥшуа, амш зеиԥшрахо жәдыруеит, аха ижәбо ахҭысқәа ҵакыс ирымоу шәзеилкааӡом. 4 Анцәа даанзыжьыз абиԥара цәгьа есымша адырга иашьҭоуп, аха урҭ аԥааимбар Ио́на идырга ада акгьы рбараны иҟаӡам». Убас нараҳәаны, Иисус урҭ дырԥырҵны дцеит.

5 Иҵаҩцәа анышь иақәтәаны нырцәҟа ирит, аха ача агара рхашҭит. 6 Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Шәгәышәҽаныз, афарисеицәеи асаддукеицәеи рымажәарҵәыга шәҽацәышәыхьчала». 7 Усҟан дара-дара абас еибырҳәо иалагеит: «Ача ахьаҳамгаз азы акәхап ус зиҳәаз». 8 Иисус уи аниаҳа, ус реиҳәеит: «Ача ҳамаӡам ҳәа зышәҳәои? Иабаҟоу шәхаҵара? 9 Исҳәо уажәгьы ишәзеилымкааӡои? Ишәхашҭма хә-чак рыла 5 000-ҩык акрышырҿасҵаз, уи ашьҭахьгьы шаҟа каҵкәыр еизыжәгаз? 10 Ишәгәаламшәаӡои быжь-чак рыла 4 000-ҩык акрышырҿасҵаз, насгьы уи ашьҭахь шаҟа каҵкәыр ду еизыжәгаз? 11 Сара зыӡбахә сымаз ача акәӡам. Ишԥашәзеилымкаауеи? Шәҽацәышәыхьчала афарисеицәеи асаддукеицәеи рымажәарҵәыга». 12 Убасҟан дара еилыркааит Иисус амажәарҵәыга шакәмыз зыӡбахә реиҳәоз, аха афарисеицәеи асаддукеицәеи ауаа иддырҵоз шакәыз.

13 Иисус Филипп и-Кеса́риа даннеи иҵаҩцәа дразҵааит: «Дызусҭада ауаҩытәыҩса Иԥа? Ауаа ирҳәои?» 14 Дара ирҳәеит: «Шьоукы — Иоанн Аӡӡаахҩы уоуп рҳәоит, егьырҭ — Илиа, даҽа шьоукы — Иереми́а ма егьырҭ аԥааимбарцәа руаӡәк уоуп рҳәоит». 15 Иара дразҵааит: «Шәара шәгәы ишԥаанаго, сызусҭада сара?» 16 Си́мон Пиотр иҳәеит: «Уара Христос уоуп, зыԥсы ҭоу Анцәа Иԥа». 17 Иисус иҳәеит: «Насыԥ умоуп Си́мон, Ио́на иԥа, избанзар ари узаазыртыз ауаа ракәӡам, жәҩантәи Саб иоуп. 18 Сара иуасҳәоит: уара Пиотр уоуп, абри ацаҟьаҿы сара сеизара сыргылоит, аԥсрагьы* уи изаиааиуам. 19 Сара жәҩантәи Аҳра ацаԥхақәа усҭоит. Уара адгьыл аҿы иауркуеит ажәҩан аҿы иадыркхьоу, адгьыл аҿы иаауртуеит ажәҩан аҿы иаадыртхьоу». 20 Уи ашьҭахь иҵаҩцәа инақәырӷәӷәаны иреиҳәеит, иара Христос шиакәу аӡәгьы иарымҳәарц.

21 Убри ашьҭахь Иисус иҵаҩцәа ирзеиҭеиҳәо далагеит Иерусалимҟа дцараны дшыҟоу, уа ажәлар реиҳабацәеи, аԥшьаҩ еиҳабацәеи, азакәанрҵаҩцәеи рҟынтә имаҷымкәа агәаҟрақәа ихигар шакәу, дшыршьуа, насгьы ахымш раан иԥсы шҭало. 22 Усҟан Пиотр Иисус днаскьеиган, диқәыӡбаны ус иеиҳәеит: «Ухы рыцҳашьа, Исықәиҭу. Ари аҩыза уара ахаангьы уақәшәараны уҟаӡам». 23 Аха Иисус наҟ днаҳәын, Пиотр ус иеиҳәеит: «Усԥырҵ наҟ*, Аҩсҭаа! Уара иҟасҵараны иҟоу аҟаҵара усԥырхагоуп, избанзар Анцәа ихәыцшьа акәӡам иумоу, ауаа рхәыцшьа ауп».

24 Анаҩс Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Исышьҭаланы ацара зҭаху, ихы мап ацәикааит, ишьаҟа* шьҭыхны, дсышьҭаланы даалааит. 25 Зыԥсы* еиқәзырхарц иашьҭоу — иԥсҭазаара ицәыӡуеит, зыԥсҭазаара сара исыхҭнызҵо — иԥсы* еиқәирхоит. 26 Ауаҩы адунеи зегь ирҳаргьы иабаихәо, иԥсҭазаара ицәыӡуазар? Иахишәаар илшои ауаҩы иԥсҭазаара? 27 Ауаҩытәыҩса Иԥа Иаб ихьӡ-иԥшеи иманы, амаалықьцәа ицны данаауа, дасу ихымҩаԥгашьа зеиԥшроу ала иус иӡбоит. 28 Аиаша шәасҳәоит: абра игылоу рҟынтә шьоукы ԥсӡом, ауаҩытәыҩса Иԥа Иаҳраҿы напхгара шиуа рбаанӡа».

17 Фымш рышьҭахь Иисус Пиотри, Иакови, Иаков иашьа Иоанни иманы ашьха ҳарак дхалеит. Дара рыда уаҳа аӡәгьы димгаӡеит. 2 Иара урҭ рҿаԥхьа иԥшра иԥсахит: ихаҿсахьа амреиԥш икаҷҷеит, имаҭәагьы убла хызкуа алашара еиԥш иҟәашкакараӡа иҟалеит. 3 Ус, Моисеии Илиеи аацәырҵын, Иисус иацәажәара иалагеит. 4 Усҟан Пиотр Иисус ус иеиҳәеит: «Исықәиҭу, ишԥабзиоу ара! Иуҭахызар, х-қьалак сыргылоит, акы — уара узы, акы — Моисеи изы, акы — Илиа изы». 5 Пиотр дцәажәонаҵы ԥҭа шкәакәак рхаԥеит, ус аԥҭа аҟынтә бжьык аагеит: «Ари бзиа избо, сыззыразу Сԥа иоуп. Иара шәизыӡырҩла». 6 Иисус иҵаҩцәа уи анраҳа, ишәан, рыҽкарыжьит. 7 Усҟан Иисус дрылакьысын, ус реиҳәеит: «Шәгыл, шәымшәан». 8 Ианынаԥш-ааԥш, Иисус ида аӡәгьы дрымбаӡеит. 9 Ашьхантә ианылбаауаз, Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Ауаҩытәыҩса Иԥа иԥсы ҭалаанӡа, ижәбаз атәы аӡәгьы иашәымҳәан».

10 Иисус иҵаҩцәа ус иазҵааит: «Азакәанрҵаҩцәа раԥхьа Илиа даароуп ҳәа зырҳәои?» 11 Иисус иҳәеит: «Илиа ииашаҵәҟьаны даауеит, насгьы зегь ирмазеиуеит. 12 Сара ишәасҳәоит: Илиа даахьеит, аха урҭ уи дырзымдырӡеит, ирҭахызгьы изыруит. Дара ауаҩытәыҩса Иԥагьы убас изыруеит». 13 Убасҟан дара еилыркааит, Иисус дызҿыз Иоанн Аӡӡаахҩы шиакәыз.

14 Ажәлар рахь ианнеи, хаҵак Иисус иҿаԥхьа дшьамхышгылан, ус иҳәеит: 15 «Исықәиҭу, суҳәоит, сыҷкәын дрыцҳашьа, иара далаԥсуеит, уи чмазараны имоуп. Зны амца дақәҳауеит, зны аӡы далаҳауеит. 16 Уҵаҩцәа рахь дназгеит, аха дырзымхәышәтәӡеит». 17 Иисус иҳәеит: «Ахаҵара змам абиԥара цәгьа! Шаҟа аамҭа сшәыцзар акәзеи еиҭа? Шаҟа аамҭа шәсычҳалозеи? Дысзаажәг арахь». 18 Данизнарга, Иисус адемон инақәырӷәӷәаны иеиҳәеит аҷкәын дилҵырц. Данилҵ, аҷкәын дыбзиахеит. 19 Анаҩс Иисус иҵаҩцәа иара иахь инеин, аӡәгьы ианимаҳауаз иазҵааит: «Ҳара изҳалымшеи уи аҟаҵара?» 20 Иара иҳәеит: «Шәхаҵара ахьыӷәӷәам азы. Аиаша шәасҳәоит: шәхаҵара ажәла сса* иаҟаразаргьы, абри ашьхахь шәхы рханы, „уеиҭаҵ“ ҳәа шәҳәар, еиҭаҵуеит, ишәылымшо ҳәагьы акгьы ҟалаӡом». 21 ——*

22 Иисус иҵаҩцәеи иареи Галилеиа ианеиқәшәа, ус реиҳәеит: «Ауаҩытәыҩса Иԥа дырҭиуеит, насгьы иаӷацәа дрырҭоит. 23 Дара уи дыршьуеит, аха ахымш раан иԥсы ҭалоит». Аҵаҩцәа ари анраҳа, даараӡа ргәы каҳаит.

24 Капернау́м ианнеи, аныҳәарҭазы ашәахтә* еизызгоз ауаа Пиотр инаидгылан, иазҵааит: «Шәырҵаҩы ашәахтә ишәома?» 25 «Ишәоит», — иҳәеит иара. Аха аҩны даныҩнала, ак иҳәаанӡа, Иисус уи диазҵааит: «Угәы ишԥаанаго, Си́мон, измырхуада аҳцәа ашәахтәқәа, рыҷкәынцәа ракәу, атәым уаа ракәу?» 26 «Атәым уаа», — аниҳәа, Иисус иҳәеит: «Ус анакәха, аԥацәа ашәахтә ашәара рыхәҭаӡам. 27 Аха акгьы ҳзырымҳәарц азы амшын ахь уцаны, аҵәгәыр ҭаршәны, раԥхьа иаҿашәо аԥсыӡ кы. Аҿы анаауртлак, араӡны ԥара* уԥшаауеит. Иганы, сара сзгьы, уара узгьы ирыҭ».

18 Иисус иҵаҩцәа иара иахь инеин, иазҵааит: «Жәҩантәи Аҳраҿы зегьы иреиҳада?» 2 Усҟан Иисус хәыҷык дааиган, рыгәҭа днаиргылан, 3 иҳәеит: «Аиаша шәасҳәоит, шәҽышәмыԥсахыр, насгьы ахәыҷқәа шәырмеиԥшхар, жәҩантәи Аҳра жәбараны шәыҟам. 4 Абри ахәыҷ иеиԥш зхы ҳаразымкуа* иоуп жәҩантәи Аҳраҿы зегьы иреиҳау. 5 Саҳаҭыразы* абри ахәыҷы иеиԥшу ауаа здызкыло, саргьы сидикылоит. 6 Ахәыҷқәа иреиԥшу, сыгәра зго аӡәы ихаҵара зырԥсыҽуа ауаҩы алу ду ихәда ихшьны, амшын агәы даларыжьыр еиҳа еиӷьуп.

7 Изакәытә рыцҳароузеи ари адунеи иазыԥшу! Избанзар уи ауаа агәнаҳа днарҟаҵоит. Ҳәарада, ауаа агәнаҳа дзырҟаҵо ҟалашт, аха изакәытә рыцҳароузеи изыԥшу уи дзырҟаҵо ауаҩы! 8 Унапы ма ушьапы агәнаҳа унарҟаҵозар, ихҵәаны наҟ иршә. Узнапык ма узшьапык шумам аԥсҭазаара уоур еиҳа еиӷьуп, уҩнапык ма уҩшьапык шумоу ахаан имыцәо амца уаларыжьыр аасҭа. 9 Ула агәнаҳа унарҟаҵозар, иҭыхны, наҟ иршә. Узлак шумам аԥсҭазаара уоур еиҳа еиӷьуп, рыҩбагьы шумоу амца қьоуқьад ахьеилашуа геенна* уаларыжьыр аасҭа. 10 Шәгәышәҽаныз, абарҭ ахәыҷқәа руаӡәкгьы дышәцәымӷымзааит, избанзар сара ишәасҳәоит, ажәҩан аҿы иҟоу урҭ рымаалықьцәа еснагь жәҩантәи Саб иҿаԥхьа игылоуп. 11 ——*

12 Шәгәы ишԥаанаго, 100 уасак змоу ахьча уасак ицәыӡыр, 99 уаса ашьхараҿы иааныжьны, иӡыз аԥшаара дымцаӡои? 13 Аиаша шәасҳәоит, ианиԥшаалак, имыӡыз егьырҭ 99 уаса раасҭа уи еиҳа деигәырӷьоит. 14 Убас еиԥш жәҩантәи Сабгьы абарҭ ахәыҷқәа рҟынтә аӡәгьы дҭахар иҭахӡам.

15 Уашьа гәнаҳак ҟаҵаны уиргәаазар, уцаны, дахьиашам иаҳә, уи азҵаара иареи уареи шәыбжьара иӡба. Дузыӡырҩыр, уашьа дурҳаит. 16 Дузымӡырҩыр, аӡәы ма ҩыџьа уманы уизца, уи аус ҩыџьа ма хҩык ашаҳаҭцәа ирҳәо ала ишьақәырӷәӷәахарц азы. 17 Урҭгьы дырзымӡырҩыр, аишьцәа* ираҳәа. Аишьцәагьы дырзымӡырҩыр, уи ауаҩ Анцәа дхазымҵои* ашәахтәеизгаҩцәеи реиԥш дузыҟалааит.

18 Сара ишәасҳәоит: шәара адгьыл аҿы иашәыркуеит ажәҩан аҿы иадыркхьоу, адгьыл аҿы иаашәыртуеит ажәҩан аҿы иаадыртхьоу. 19 Даҽакгьы шәасҳәоит: адгьыл аҿы ҩыџьа ихадоу аказы Анцәа иҳәарц еибырҳәар, жәҩантәи Саб изызиҳәаз рзыҟаиҵоит, 20 избанзар сыхьӡала ҩыџьа-хҩык ахьеизо, саргьы сҟалоит».

21 Уи ашьҭахь Пиотр Иисус днаидгылан, диазҵааит: «Исықәиҭу, сашьа агәнаҳа ҟаиҵозар, заҟантә ианасыжьыр акәзеи? Бжьынтәу?» 22 Иисус иҳәеит: «Бжьынтә акәӡам, 77-нтә.

23 Убри азоуп жәҩантәи Аҳра аҳ изиҿырԥшу. Аҳ имаҵуцәа ирықәыз ауал дыргьежьырц реиҳәеит. 24 Иуалқәа реизгара даналага, 10 000 талант* зқәыз хаҵак дизнаргеит. 25 Аха уи иуал злеишәоз имамызт азы, аҳ адҵа ҟаиҵеит, ахаҵа иуал ишәарц азы иаргьы, иԥҳәысгьы, ихәыҷқәагьы, иара убас имаз-ихӡыз зегь рҭиирц. 26 Усҟан уи ахаҵа дшьамхышгылан, аҳ иҳәара далагеит: „Суҳәоит, даҽа хәыҷык уаасзыԥшы, исықәу зегь сшәоит“. 27 Аҳ уи ахаҵа дрыцҳаишьан, иқәыз зегь ианажьны доуишьҭит. 28 Аха уи дшаадәылҵыз еиԥш, уалла 100 динарк* зиҭахьаз диԥшаан, ихәдацәа кны, ихәаҽра далагеит, иагьиеиҳәеит: „Абыржәыҵәҟьа иуқәу зегь шәа“. 29 Ауал зқәыз дшьамхышгылан, иҳәара далагеит: „Суҳәоит, хәыҷык уаасзыԥшы, исықәу зегь сшәоит“. 30 Аха уи ахаҵа аԥшра иҭахымхан, ауал зқәыз иуал ишәаанӡа абахҭа дҭаркырц адҵа ҟаиҵеит. 31 Егьырҭ ари анырба, ргәы рыхьын, ицаны, иҟалаз зегь аҳ иарҳәеит. 32 Усҟан аҳ уи ахаҵа иеиҳәеит: „Арыцҳашьара злам уара! Уансыҳәа, сара иуқәыз зегь уанасыжьит. 33 Сара ушрыцҳасшьаз еиԥш, уҩыза дрыцҳаушьар ухәҭаӡамзи?“ 34 Аҳ иԥсахы еибакын, убри зегь аниҳәа ашьҭахь, ахаҵа абахҭа дҭаркырц адҵа ҟаиҵеит, иуал зегь ишәаанӡагьы доурмышьҭырц реиҳәеит. 35 Убасҵәҟьоуп жәҩантәи Сабгьы ишышәзиуа, шәашьцәа рыгәнаҳақәа гәык-ԥсыкала иранашәмыжьлар».

19 Абри зегь аниҳәа ашьҭахь, Иисус Галилеиа далҵын, Иордан анхыҵ Иудеиа аҳәааҿы ишьҭаз аҭыԥқәа рахь дцеит. 2 Уахь ажәлар рацәа ишьҭаланы ицеит, иаргьы урҭ ихәышәтәит.

3 Афарисеицәа Иисус дԥыршәарц инеин, ус иазҵааит: «Ахаҵа иԥҳәыс илывибалак азы длылҵыр ҟалома?» 4 Иисус иҳәеит: «Ахаан шәамыԥхьаӡаци Анцәа раԥхьа ауаа аниша, ахаҵеи аԥҳәыси шишаз, 5 иагьшиҳәаз: „Убри аҟынтә ахаҵа иани иаби ааныжьны, еснагь иԥҳәыс длыцынхалоит*, усҟан ҩыџьа аӡәыкны* иҟалоит“ ҳәа? 6 Уажәшьҭа урҭ аӡә роуп, ҩыџьа ракәӡам. Убри аҟынтә Анцәа еидикылаз* ауаҩы еидимхроуп». 7 Аха дара Иисус ус иарҳәеит: «Избан, нас, Моисеи ахаҵа иԥҳәыс дышлылҵуа ала аршаҳаҭга-шәҟәы лыҭаны длылҵыр ҟалоит ҳәа зиҳәаз?» 8 Иисус иҳәеит: «Шәгәы ахьхаҳәхаз азоуп Моисеи шәыҳәса шәрылҵыр ҟалоит ҳәа зиҳәаз, аха аханатә ус иҟаӡамызт. 9 Аха сара ишәасҳәоит: ахаҵа иԥҳәыс аӡәгьы дышицымныҟәазгьы*, длылҵны даҽаӡәы ԥҳәысс дигозар, агәнаҳа ҟаиҵоит, избанзар иԥҳәыс диԥсахуеит».

10 Иисус иҵаҩцәа ус иарҳәеит: «Ус акәзар, аԥҳәыс дааумгар еиҳа еиӷьуп». 11 Иара иҳәеит: «Уи ҳамҭас изыԥхьаӡо рыда, аӡәгьы ус дзынхаӡом. 12 Шьоукы ԥҳәысаагара рылшаӡом*, избанзар агра шрымаз иит, егьырҭ — ауаа рымшала уи аҩыза агра роуит, даҽа шьоукы жәҩантәи Аҳра рхы азыркырц азы ԥҳәыс даарымгарц рыӡбоит. Ус анхара зылшо, ус дынхалааит».

13 Уи ашьҭахь ауаа Иисус ахәыҷқәа изнаргеит, инапқәа рықәҵаны иныҳәарц, насгьы дара рзы Анцәа диҳәарц азы, аха Иисус иҵаҩцәа урҭ нарышьҭыр рҭахӡамызт. 14 Усҟан Иисус иҳәеит: «Иааиааит ахәыҷқәа сара сахь, шәырԥырхагамхан, избанзар дара иреиԥшу роуп жәҩантәи Аҳра зтәу». 15 Нас Иисус ахәыҷқәа инапқәа рықәҵаны иныҳәан, уантәи дцеит.

16 Ус, ҷкәынак Иисус днаидгылан, диазҵааит: «Арҵаҩы, наӡаӡатәи аԥсҭазаара соурц азы бзиарас иҟасҵарызеи?» 17 Иара иҳәеит: «Бзиарас иҟасҵарызеи ҳәа сара узсазҵаауеи? Абзиара закәу ҳазҳәо Анцәа иоуп*. Наӡаӡатәи аԥсҭазаара уоурц уҭахызар, есымша Анцәа иԥҟарақәа нагӡала». 18 Иара дҵааит: «Иарбан ԥҟарақәоу?» Иисус иҳәеит: «Ауаҩы думшьын, ухатә ҩыза думԥсахын, умӷьычын, аӡәы иҟам-ианым изумҳәан, 19 уани уаби ҳаҭыр рықәҵала, иузааигәоу ухы бзиа ишубо еиԥш бзиа дбала». 20 Аҷкәын иҳәеит: «Сара арҭ аԥҟарақәа зегь насыгӡоит. Исыгуи уаҳа?» 21 Иисус иҳәеит: «Ак угымкәа уҟаларц уҭахызар, уцаны, иааумоу зегь ҭины, аԥара аӷарцәа ирыҭ, усҟан ажәҩан аҿы амал урҳауеит. Нас ухынҳәны, усышьҭаланы уаала». 22 Аҷкәын ари аниаҳа, игәы каҳан, наҟ дцеит, избанзар амал ду иман. 23 Усҟан Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Аиаша шәасҳәоит, ауаҩ беиа жәҩантәи Аҳрахь анеира ицәыцәгьахоит. 24 Иҵегь ишәасҳәоит, амахҽ агәыр аҵа изкылсуазар, ауаҩ беиагьы Анцәа Иаҳрахь днеиуеит».

25 Иисус иҵаҩцәа ари анраҳа, даараӡа иџьаршьан, ус рҳәеит: «Нас, еиқәхода?» 26 Иисус урҭ днарҿаԥшын, иҳәеит: «Ауаа уи ҟалашьа амам ҳәа рыԥхьаӡоит, аха Анцәа илымшо ҳәа акгьы ыҟаӡам».

27 Усҟан Пиотр иҳәеит: «Ҳара иҳамаз зегь ааныжьны ҳушьҭалеит, иҳауазеи уи азы?» 28 Иисус иҳәеит: «Аиаша шәасҳәоит: Анцәа зегь анирҿыцуа, ауаҩытәыҩса Иԥа иблахкыгоу иаҳраҭыԥ аҿы дтәоит, усҟан шәаргьы, сара исышьҭалаз, 12 тәарҭа ҳарак шәрықәтәоит, израильтәи 12 биԥара рус аӡбаразы. 29 Саҳаҭыразы зыҩны, ма зашьцәа, ма заҳәшьцәа, ма зан, ма заб, ма зхәыҷқәа, ма зыдгьыл аанзыжьыз дарбанзаалак шәынтә еиҳаны ирҳауеит, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоуеит.

30 Аха аԥхьа игылоу ԥыҭҩык шьҭахьҟа ицоит, ашьҭахь игылоу ԥхьаҟа иаауеит.

20 Жәҩантәи Аҳра аӡахәаҭра змоу ауаҩы иеиԥшуп. Уи ашьыжь шаанӡа иӡахәаҭразы аусуцәа рыԥшаара дцеит. 2 Аусуцәеи иареи мышказы динарк* ҳәа ианеилаӡа ашьҭахь, урҭ иӡахәаҭрахь ишьҭит. 3 Асааҭ 9 шыҟаз* еиҭа данца, аџьармыкьаҿы ибеит аусура иашьҭаз ауаа. 4 Иара урҭ ус реиҳәеит: „Шәаргьы шәаала сӡахәаҭрахь, ишәықәнагоугьы шәзысшәоит“. 5 Даргьы цеит. Асааҭ 12 шыҟаз*, нас 3 шыҟаз* еиҭа дцан, иҵегь аусуцәа ааигеит. 6 Аҵыхәтәаны, асааҭ 5 шыҟаз* еиҭа данца, даҽа шьоук ибан, дразҵааит: „Иахьантәарак аус муӡакәа шәызгылои?“ 7 Дара ирҳәеит: „Аӡәгьы аусура ҳимгаӡеит“. Усҟан иара иреиҳәеит: „Шәаргьы сӡахәаҭрахь шәаала“.

8 Ианааилахәла, аӡахәаҭра зтәыз аԥшәма имаҵуҩы ус иеиҳәеит: „Аусуцәа ааганы, зегь рышьҭахь иааз рыла уалаганы зегь раԥхьа иааз рҟынӡа, зегьы ирыхәҭоу рызшәа“. 9 Ахәылбыҽха асааҭ 5 рзы аусура иалагаз анааи, динарк-динарк роуит. 10 Убри аҟынтә зегь раԥхьа аусура иалагаз еиҳаны ироуаз џьыршьеит. Аха даргьы динарк-динарк ауп ироуз. 11 Усҟан дара ашшра иалаган, аӡахәаҭра зтәыз ус иарҳәеит: 12 „Анҭ аҵыхәтәаны иааз сааҭк ауп аус ахьыруз, аха уара иахьантәарак ашоураха аус зуаз иаҳзушәаз аҟара рзушәеит!“ 13 Усҟан иара руаӡәк ус иеиҳәеит: „Сҩыза, ииашамкәа сузныҟәама? Динарк ҳәа акәӡами ҳшеилаӡаз? 14 Иурҳаз уманы уца. Сара аҵыхәтәаны иаазгьы уара иусҭаз аҟара рысҭар сҭахуп. 15 Сԥара ишысҭаху аныхра азин сымаӡами? Мамзаргьы абзиара ахьыҟасҵаз азы ушьыцуоу?“ 16 Убасоуп ашьҭахь игылоу ԥхьаҟа ишаауа, аԥхьа игылоу шьҭахьҟа ишцо».

17 Иисус Иерусалимҟа амҩа данықәыз, 12-ҩык иҵаҩцәа наскьеиган, аӡәгьы имаҳартә еиԥш иреиҳәеит: 18 «Уажәы Иерусалимҟа ҳцоит. Уа ауаҩытәыҩса Иԥа аԥшьаҩ еиҳабацәеи азакәанрҵаҩцәеи дрырҭоит. Дара уи дыршьырц рыӡбоит, 19 насгьы егьырҭ ажәларқәа дрырҭоит, ихыччаларц, ҟамчыла дрыпҟарц, ашьаҟа дкыдҵан дыршьырц, аха ахымш раан иԥсы ҭалоит».

20 Уи ашьҭахь Зеведе́и иԥацәа ран Иисус днаидгылан, диеихырхәан, аказы иҳәара далагеит. 21 Иара ибҭахузеи ҳәа длазҵааит. Лара ус лҳәеит: «Суҳәоит, Уаҳраҿы сыҷкәынцәа руаӡәк уарӷьарахь дыртәа, егьи — уармарахь». 22 Иисус иҳәеит: «Шәара сарӷьарахьи сармарахьи шәтәарц шәҭахуп, аха уи ус имариам. Шәара уи шәзеилкааӡом. Сара изжәуа аҵәца шәзыжәуама?» — «Иаҳжәуеит», — рҳәеит дара. 23 Иара иҳәеит: «Сыҵәца жәжәлоит, аха сарӷьарахьи сармарахьи итәо зыӡбо сара сакәӡам. Урҭ аҭыԥқәа зтәу Саб ззы ирхиаз роуп».

24 Жәаҩык аҵаҩцәа уи анраҳа, урҭ аишьцәа ргәы рзыԥжәеит. 25 Аха Иисус урҭ ааиԥхьан, ус реиҳәеит: «Шәара ижәдыруеит ажәларқәа рнапхгаҩцәа ауаа ԥшәымаҵас ишырхагылоу, ауаа дуқәагьы ажәлар ишрықәиҭу. 26 Аха шәара шәыбжьара ус иҟамзароуп. Шәыбжьара амчра ду иашьҭоу дышәмаҵуҩхароуп, 27 аҭыԥ ду иашьҭоу — шәымаҵ иулароуп. 28 Ауаҩытәыҩса Иԥагьы имаҵ руларц азы акәӡам дзааз. Иара дааит егьырҭ рымаҵ иурц, насгьы ирацәаҩны ауаа иԥсы* рыхҭынҵаны иҿихырц».

29 Иерихон ианалҵуаз, ажәлар рацәа рышьҭалеит. 30 Уа зыла иамбоз ҩыџьа ахацәа амҩаду аҿы итәан. Иисус драҩсны дышцоз анраҳа, иқәҿырҭуа иалагеит: «Иҳақәиҭу, Давид Иԥа, ҳуҳәоит, ҳрыцҳашьа!» 31 Аха ажәлар шәыбжьы шәмырган, ҿышәымҭын ҳәа рарҳәон. Дара еиҳагьы рыбжьы ҭыганы ҿырҭуан: «Иҳақәиҭу, Давид Иԥа, ҳуҳәоит, ҳрыцҳашьа!» 32 Усҟан Иисус даангылан, урҭ даарыԥхьан, ус дразҵааит: «Ишәзыҟасҵарц ишәҭахузеи?» 33 Дара ирҳәеит: «Иҳақәиҭу, ҳуҳәоит, ҳалақәа аарты». 34 Иисус иаарыцҳаишьан, рылақәа дрылакьысит. Убри аминуҭ азгьы ирбо иҟалеит, дахьцозгьы ишьҭаланы ицеит.

21 Иисус иҵаҩцәеи иареи Иерусалими Амаслинаҵлақәа рышьхаҿы ишьҭоу Виффа́гиеи ианырзааигәаха, ҩыџьа иҵаҩцәа ишьҭын, 2 ус реиҳәеит: «Шәаԥхьа ишьҭоу ақыҭахь шәца. Уа икыдҿаҳәалоу аҽада аԥеи иареи жәбоит, урҭ арахь исзаажәга. 3 Аӡә ак шәеиҳәар, „Иҳақәиҭу иҭахуп“ ҳәа шәҳәа, усҟан иаразнак ишәырҭоит».

4 Убас инаӡеит аԥааимбар ииҳәаз абарҭ ажәақәа: 5 «Сион аԥҳа ус лашәҳәа: „Баҳ бара бахь ааира даҿуп. Иара дҟәымшәышәуп, аҽада дақәтәоуп, иҵакны ирымоу аҽада иарииз аҽадҳәыс“».

6 Иисус иҵаҩцәа цан, ишреиҳәаз еиԥш зегь ҟарҵеит. 7 Дара аҽада аԥеи иареи рыманы иааит. Рымаҭәа ақәдыршәын, Иисус аҽадҳәыс дақәтәеит. 8 Имаҷымкәа ауаа хыхьтәи рымаҭәа ршәыхны, амҩаҿы икадыршәуан, егьырҭ — аҵла амахәқәа каҿаны, амҩаҿы ишьҭарҵон. 9 Иаԥхьагьы ишьҭахьгьы инеиуаз ажәлар рыбжьы ҭыганы ирҳәон: «Ҳуҳәоит, деиқәырха Давид Иԥа! Дныҳәоуп Иегова* ихьӡала иаауа! Ажәҩан аҿы иҟоу, ҳуҳәоит, деиқәырха!»

10 Иерусалим даналала, ақалақь ааилаҩынтит, «дызусҭада ари?» ҳәа зегь ҵаауан. 11 Ицны иаауаз ирҳәон: «Ари галилеиатәи Назарет иатәу аԥааимбар Иисус иоуп!»

12 Иисус аныҳәарҭа дыҩналан, ак зҭиуази ак аазхәози дәылицеит. Аԥара зыԥсахуаз рыстолқәеи аҳәыҳәқәа зҭиуаз рысқамқәеи ааирҳәит. 13 Иара иҳәеит: «Аҩыраҿы иануп: „Сыҩны Анцәа иахьиҳәо ҩнуп ҳәа азырҳәоит“, аха шәара уи арҳәцәа рыҩны акәны иҟашәҵоит». 14 Уа зыла иамбози ицыркьуази иара иахь инеит, иара урҭ ихәышәтәит.

15 Аԥшьаҩ еиҳабацәеи азакәанрҵаҩцәеи Иисус иҟаиҵаз аус џьашьахәқәа анырба, насгьы аҷкәынцәа: «Ҳуҳәоит, деиқәырха Давид Иԥа!» ҳәа шырҳәоз анраҳа, уи ргәамԥхан, 16 ус рҳәеит: «Арҭ ирҳәо уаҳауоу?» Иисус иҳәеит: «Исаҳауеит. Ахаан шәамыԥхьаӡаци „ахәыҷқәеи асабицәеи ухьӡ ҳараркуеит“ ҳәа Аҩыраҿы иану?» 17 Уи ашьҭахь иара ақалақь далҵын, Вифа́ниаҟа дцеит, ауха уа даангылеит.

18 Ашьыжь шаанӡа иара Иерусалимҟа данцоз, амла дакит. 19 Амҩан алаҳаҵла шгылаз аниба, уи днадгылеит, аха абыӷьқәа рыда акгьы шҿам аниба, иҳәеит: «Уаҳа ахаан ашәыр уҿамлааит». Уи аминуҭ азгьы аҵла ҩеит. 20 Иисус иҵаҩцәа ари анырба, иџьаршьан, ус рҳәеит: «Аҵла абас иаразнак ишԥаҩеи?» 21 Иисус ус реиҳәеит: «Аиаша шәасҳәоит: ахаҵара шәымазар, насгьы шәымлакҩаклар, алаҳа иазызуз мацара акәӡам иҟашәҵо. Абри ашьхахь шәхы рханы, „абрантәи уеиҭаҵны, амшын уҽалажь“ ҳәа шәҳәаргьы, ус иагьыҟалоит. 22 Анцәа шәзызиҳәо зегь шәоуеит, ахаҵара шәыманы шәиҳәозар».

23 Иисус аныҳәарҭахь даннеи, ауаа Анцәа иажәа дырҵара далагеит. Убри аамҭазы аԥшьаҩ еиҳабацәеи ажәлар реиҳабацәеи ааидгылан, ус иазҵааит: «Убас ҟаҵатәуп ҳәа уазҳәада? Иузҭада азин?» 24 Иисус иреиҳәеит: «Саргьы аказы сшәазҵаауеит. Аҭак сышәҭар, саргьы азин сызҭаз дызусҭоу шәасҳәоит. 25 Иоанн ауаа ӡааихларц азин изҭада — Анцәа иакәу*, ауаа ракәу?» Дара ус еибырҳәо иалагеит: «„Анцәа иоуп“ ҳҳәар, „нас, игәра зышәымгеи?“ ҳәа дҳазҵаауеит. 26 „Ауаа роуп“ ҳҳәар, ажәлар ак ҳзырур ҳәа ҳшәоит, избанзар уи дԥааимбарын ҳәа рыԥхьаӡоит». 27 Убри аҟынтә иҳаздырӡом ҳәа иарҳәеит. Усҟан иара иҳәеит: «Ус акәзар, саргьы азин сызҭаз дызусҭоу шәасҳәаӡом.

28 Абри иахышәҳәаауеи? Хаҵак ҩыџьа аԥацәа иман. Аиҳабы днаидгылан, ус иеиҳәеит: „Иахьа аӡахәаҭрахь уцаны аус уы“. 29 Аха иара сцаӡом иҳәеит. Нас дахьхәын, уеизгьы дцеит. 30 Аиҵбгьы днаидгыланы убасҵәҟьа аниеиҳәа, уи сцоит иҳәеит, аха дымцаӡеит. 31 Аб ииҳәаз ҟазҵаз рыуа дарбану?» — «Аиҳабы», — рҳәеит дара. Усҟан Иисус ус реиҳәеит: «Аиаша шәасҳәоит: ашәахтә еизгаҩцәеи акаҳԥцәеи шәара шәаԥхьа Анцәа Иаҳрахь инеиуеит. 32 Иоанн даан, амҩа иаша шәирбеит, аха шәара игәра шәымгаӡеит. Ашәахтә еизгаҩцәеи акаҳԥцәеи ракәзар, игәра ргеит, шәара уи аныжәбагьы, шәыгәнаҳақәа шәырхьымхәӡеит, игәрагьы шәымгаӡеит.

33 Шәазыӡырҩы даҽа ҿырԥштәык. Адгьыл змаз хаҵак аӡахәа еиҭеиҳаит, ихикааит, ажь ахәаразы аҭыԥ ҭижааит, абаашгьы иргылеит. Нас уи аӡахәаҭра қьырала аӡахәааӡаҩцәа ириҭан, даҽа тәылак ахь дцеит. 34 Ажь аҭаара аамҭа анааи, иара ихәҭаа игарц азы аӡахәааӡаҩцәа рахь имаҵуцәа ишьҭит. 35 Аха аӡахәааӡаҩцәа имаҵуцәа ааныркылан, аӡәы дрыпҟеит, егьи дыршьит, ахԥатәи ахаҳә дарганы дыршьит. 36 Усҟан аӡахәаҭра зтәыз еиҳа еиҳаны амаҵуцәа ишьҭит. Аха урҭгьы убас рзыруит. 37 Аҵыхәтәаны иҷкәын дишьҭит, иагьиҳәеит: „Ма сыҷкәын ҳаҭырла изныҟәап“. 38 Аха аӡахәааӡаҩцәа иԥа данырба, ус еибырҳәеит: „Ари аӡахәаҭра зтәхо иоуп. Шәааи даҳшьып, усҟан уи ҳара иаҳтәхоит“. 39 Дара уи дааныркылан, аӡахәаҭра дҭыганы дырган, дыршьит. 40 Аӡахәаҭра зтәу данааилак, ирзиуеи урҭ аӡахәааӡаҩцәа?» 41 Дара ирҳәеит: «Иара урҭ ацәгьаҟаҵаҩцәа ишьуеит, аӡахәаҭра акәзар, ианаамҭоу аҽаҩра изҭало ириҭоит».

42 Иисус урҭ иреиҳәеит: «Ахаан шәамыԥхьаӡаци Аҩыраҿы иану: „Аргылаҩцәа ирҭахымхаз ахаҳә хыхьтәи акәакь аҿы ишьҭарҵо хаҳәны иҟалеит. Уи ахаҳә Иегова иҟынтә ауп, иагьыблахкыгоуп ҳара ҳзы“? 43 Убри аҟынтә сара ишәасҳәоит, Анцәа Иаҳра шәара ишәымхны, Анцәа ииҭаху ҟазҵо ауаа ирыҭахоит. 44 Уи ахаҳә иақәҳауа дԥыххааса дцоит, иара зықәҳауа дарҟьацуеит».

45 Аԥшьаҩ еиҳабацәеи афарисеицәеи Иисус иҿырԥштәқәа анраҳа, дара ишрызкыз еилыркааит. 46 Дара уи дыкны дыргарц рҭаххеит, аха ажәлар ирыцәшәеит, избанзар урҭ Иисус ԥааимбарс дрыԥхьаӡон.

22 Иисус урҭ даҽа ҿырԥштәқәак рзеиҭеиҳәеит: 2 «Жәҩантәи Аҳра зԥа ачара изызуз аҳ иеиԥшуп. 3 Аҳ имаҵуцәа ишьҭит, ачара заҳәаз шәааи ҳәа рарҳәарц, аха дара ачарахь аара рҭахымхеит. 4 Усҟан иара даҽа шьоукы абас раҳәаны ишьҭит: „Ачара заҳәо абас сызрашәҳә: ‚Сара афатә сырхиеит, ацәқәеи иреиӷьыз ашьтәақәеи сшьит, зегь хиоуп. Шәааи ачарахь‘“. 5 Аха дара уи хьаас имкыкәа, дасу русқәа рахь ицеит, аӡәы — имхахьы, даҽаӡәы — ак аҭира, 6 егьырҭ ракәзар, аҳ имаҵуцәа аума рзаарцан, иршьит.

7 Аҳ уи игәы ԥнажәеит, убри аҟынтә иеибашьцәа ишьҭит. Дара ашьра ҟазҵаз ықәырхит, рықалақьгьы рблит. 8 Нас имаҵуцәа ус реиҳәеит: „Ачаразы зегь мазеиуп, аха изаҳәаз иаԥсоу ракәымхеит. 9 Убри аҟынтә ақалақь ахь уназго амҩадуқәа рахь шәцаны, ишәԥыло зегь ачарахь иаашәыԥхьа“. 10 Амаҵуцәагьы амҩадуқәа рахь ицан, ирԥылоз зегьы ачарахь ааԥхьара рырҭеит, ауаа цәгьақәагьы, ауаа бзиақәагьы. Ачара ахьыруаз аҭыԥгьы асасцәа рыла иҭәит.

11 Аҳ асасцәа дрылаԥшырц данааи, ачара маҭәа зшәымыз хаҵак дибеит. 12 Аҳ уи диазҵааит: „Ачара маҭәа ушәӡамкәа арахь узлаҩналеи?“ Аха иара ҿиҭуамызт. 13 Усҟан аҳ имаҵуцәа иреиҳәеит: „Инапқәеи ишьапқәеи ҿаҳәаны, дыршәны, алашьцара далашәыжь. Уа иара ихаԥыц аҿҿа арго дҵәыуалоит“.

14 Изаҳәо рацәаҩуп, аха иалху маҷҩуп».

15 Уи ашьҭахь афарисеицәа Иисус иакәым ак идырҳәарц еибырҳәеит. 16 Дара рҵаҩцәеи И́род ишьҭанеицәеи Иисус иахь инарышьҭит, абас иарҳәарц: «Арҵаҩы, ҳара иаҳдыруеит уара еснагь аиаша шуҳәо, Анцәа имҩа иазкны ауаа идурҵогьы шиашоу. Уара ауаа ирҳәо уашьҭаӡам, избанзар ауаҩы иааникыло аҭыԥ уахәаԥшӡом. 17 Акы ҳуазҵаар ҳҭахын, угәы ишԥаанаго, ацезарь ашәахтә изшәара аҭаху-иаҭахыму?» 18 Аха Иисус урҭ ргәы ацәгьара шҭаз идыруан азы, ус иҳәеит: «Сԥышәшәарц шәзашьҭои, ҩ-цәак зхарԥоу шәара? 19 Исшәырба ашәахтә злашәшәо аԥара». Усҟан дара адинар* изааргеит. 20 Иисус дразҵааит: «Зсахьеи зыхьӡи аныда ара?» 21 «Ацезарь», — рҳәеит дара. Усҟан иара иҳәеит: «Ус акәзар, ацезарь иитәу ацезарь ишәҭала, Анцәа иитәу — Анцәа». 22 Урҭ ираҳаз џьашьаны, Иисус иԥырҵны ицеит.

23 Убри аҽны аԥсцәа рыԥсы ҭалаӡом ҳәа зҳәо асаддукеицәа наидгылан, ус иарҳәеит: 24 «Арҵаҩы, Моисеи излеиҳәаз ала, „аӡәы ахшара димоуӡакәа дыԥсыр, иԥҳәыс иашьа ԥҳәысс дигароуп, иԥсыз ишьҭра иациҵарц азы“. 25 Иҟан быжьҩык аишьцәа. Аиҳабы аԥҳәыс дааиган, ахшара димоуӡакәа дыԥсит, иԥҳәысгьы иашьа дизынхеит. 26 Убас ихьит аҩбатәигьы, нас ахԥатәигьы, убас рыбыжьҩыкгьы. 27 Аҵыхәтәаны уи аԥҳәысгьы дыԥсит. 28 Рыбыжьҩыкгьы уи ԥҳәысс дрыман. Нас, рыԥсы анҭало, дызтәхода лара?»

29 Иисус ус реиҳәеит: «Шәара шәҩашьоит, избанзар Аҩыра ианугьы шәыздырӡом, Анцәа имчгьы шаҟа иӷәӷәоу шәзеилкааӡом. 30 Аԥсҭалара аныҟало, ахацәа аҳәса ааргалаӡом, аҳәсагьы хаҵа ицалаӡом, избанзар урҭ ажәҩан аҿы иҟоу амаалықьцәа иреиԥшхоит. 31 Аԥсҭалара иазкны иаҳҳәозар, шәамыԥхьаӡаци Анцәа ишиҳәаз 32 „Сара Авраами, Исааки, Иакови Рынцәа соуп“ ҳәа? Иара зыԥсы ҭам Рынцәа иакәӡам, зыԥсы ҭоу Рынцәа иоуп». 33 Ари заҳаз ауаа Иисус дышцәажәоз даараӡа иџьаршьеит.

34 Афарисеицәа ианраҳа, Иисус асаддукеицәа ирҳәо рҿамшәо ишыҟаиҵаз, асаддукеицәеи дареи рҽеидкыланы Иисус иахь инеит. 35 Азакәан ибзианы издыруаз урҭ руаӡәк Иисус дԥишәарц азы диазҵааит: 36 «Арҵаҩы, иарбан ԥҟароу Азакәан аҿы зегь реиҳа ихадоу?» 37 Иара иҳәеит: «„Бзиа дыжәбала Шәынцәа Иегова* гәык-ԥсыкала, шәыԥси* шәыхшыҩи иара изышәк“. 38 Ари актәи ԥҟароуп, зегь раасҭагьы ихадоуп. 39 Аҩбатәигьы уи иеиԥшуп: „Ишәзааигәоу шәхы бзиа ишыжәбо еиԥш бзиа дыжәбала“. 40 Абарҭ ҩ-ԥҟарак роуп Моисеи изакәани аԥааимбарцәа ирҩыз ашәҟәқәеи шьаҭас ирымоу».

41 Афарисеицәа уа иахьынӡаҟаз Иисус ус дразҵааит: 42 «Шәгәы ишԥаанаго, дызусҭада Христос? Дызԥада иара?» Дара ирҳәеит: «Давид иԥа иоуп». 43 Иара дразҵааит: «Избан, нас, Давид иԥшьоу адоуҳа ианиҵанаҳәа, уи Исықәиҭу ҳәа изҳәаны, абас зиҳәаз: 44 „Иегова Исықәиҭу иеиҳәеит: ‚Сарӷьараҿы утәаз, уаӷацәа ушьапаҿы ишьҭасҵаанӡа‘“? 45 Давид уи Исықәиҭу ҳәа изиҳәазар, нас, иԥа злаиакәзеи?» 46 Аха дара акгьы рзымҳәаӡеит. Убри нахыс ак азҵаара аӡәгьы изыгәаӷьуамызт.

23 Иисус ажәлари иҵаҩцәеи рахь ихы рханы иҳәеит: 2 «Азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи Моисеи иҭыԥ ааныркылеит. 3 Убри аҟынтә ирҳәо зегь ҟашәҵала, аха дара реиԥш шәхы мҩаԥышәымгалан, избанзар урҭ иҟаҵатәу рҳәоит, аха рхаҭа иҟарҵаӡом. 4 Дара ауаа аидара хьанҭа иаҵарҵоит, аха арахь рхаҭа рнапы аарҵысны акгьы ҟарҵаӡом, уи аидара ласхарц азы. 5 Иҟарҵо зегь ауаа ирбарц азоуп изыҟарҵо. Аҩыра ацыԥҵәахақәа зҭоу аҭра хәыҷқәа дырҭбаауеит, уи ацәгьа-мыцәгьара аҟынтә изыхьчо ак еиԥш иныҟәыргоит, насгьы рымаҭәа ачыхә иацырҵоит. 6 Дара бзиа ирбоит ачараҿы аханы атәара, насгьы асинагогақәа рҿы иреиӷьу аҭыԥқәа рынкылара. 7 Бзиа ирбоит аџьармыкьаҿы аԥсшәа анрарҳәо, насгьы арҵаҩцәа* ҳәа ианрышьҭоу. 8 Аха шәара арҵаҩцәа ҳәа шәарҳәар шәымун, избанзар Рҵаҩык иоуп ишәымоу, шәара зегьы шәеишьцәоуп. 9 Адгьыл аҿы ҳаб ҳәагьы аӡәгьы изышәымҳәан, избанзар Абыс ишәымоу аӡә иоуп — ажәҩан аҿы иҟоу. 10 Амҩақәҵаҩцәа ҳәа шәзырҳәаргьы шәымун, избанзар Мҩақәҵаҩыс* ишәымоу Христос заҵәык иоуп. 11 Шәыбжьара зегь иреиҳау дышәмаҵуҩхароуп. 12 Зхы ҳаразкуа дларҟәхоит, ахынраалара аазырԥшуа дҳаракхоит.

13 Изакә рыцҳароузеи ишәзыԥшу, азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи, ҩ-цәак зхарԥоу шәара! Шәара ауаа жәҩантәи Аҳрахь изымнеирц азы ашә ашәыркуеит. Шәхаҭагьы уахь шәнеиуам, инеир зҭахугьы нашәышьҭуам. 14 ——*

15 Изакә рыцҳароузеи ишәзыԥшу, азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи, ҩ-цәак зхарԥоу шәара! Избанзар аӡәы идамзаргьы шәхаҵарахьы диажәгарц азы* мшыни-дгьыли шәрыкәшоит. Ииажәгазгьы геенна* дақәшәартә еиԥш шәара шәаасҭа ҩынтә деицәаны дҟашәҵоит.

16 Изакә рыцҳароузеи ишәзыԥшу, амҩақәҵаҩ лашәцәа шәара! Шәара ишәҳәоит: „Аӡәы аныҳәарҭа иамаҿоуп ҳәа дқәызар, уи иажәа наимыгӡаргьы ҟалоит, аха аныҳәарҭаҿы иҟоу ахьы иамаҿоуп ҳәа дқәызар, иажәа наигӡароуп“ ҳәа. 17 Илашәу агаӡақәа! Еиҳа ихадоузеи, ахьы акәу, уи ахьы ԥшьаны иҟазҵаз аныҳәарҭа акәу? 18 Иара убас шәара ишәҳәоит: „Аӡәы акәырбаннагарҭа иамаҿоуп ҳәа дықәуазар, иажәа наимыгӡаргьы ҟалоит, аха акәырбаннагарҭаҿы иқәу акәырбан ала дықәуазар, иажәа наигӡароуп“ ҳәа. 19 Алашәцәа! Еиҳа ихадоузеи, акәырбан акәу, уи акәырбан ԥшьаны иҟазҵо акәырбаннагарҭа акәу? 20 Акәырбаннагарҭа ала иқәуа акәырбаннагарҭа еиԥш, уа иқәу алагьы дықәуеит. 21 Аныҳәарҭа ала иқәуа — аныҳәарҭа алагьы дықәуеит, уа инхо Анцәа илагьы дықәуеит. 22 Ажәҩан ала иқәуа — Анцәа итәарҭа алагьы дықәуеит, уа итәоу Анцәа илагьы дықәуеит.

23 Изакә рыцҳароузеи ишәзыԥшу, азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи, ҩ-цәак зхарԥоу шәара! Избанзар аҟәылмиҭеи*, акамеи, атмини рҟынтә ажәабатәи ахәҭа Анцәа ишәҭоит, аха Азакәан аҿы еиҳа ихадоу — аиашареи, арыцҳашьареи, агәыцқьареи ртәы шәхашәыршҭит. Уи шыҟаҵатәу еиԥш, аригьы ҟаҵалатәуп. 24 Илашәу амҩақәҵаҩцәа шәара, акәыбры шәҿамшәарц азы ишәжәуа шәраӡоит, арахь амахҽ лбаажәдоит.

25 Изакә рыцҳароузеи ишәзыԥшу, азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи, ҩ-цәак зхарԥоу шәара! Избанзар шәара аҵәцеи асаани адәахьала ишәыӡәӡәоит, арахь аҩныҵҟа аԥсыцәгьареи аус ҟьашьқәеи рыла иҭәуп. 26 Афарисеи лашә уара! Раԥхьа аҵәцеи асаани аҩныҵҟала иӡәӡәа, нас урҭ адәахьалагьы ицқьахоит.

27 Изакә рыцҳароузеи ишәзыԥшу, азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи, ҩ-цәак зхарԥоу шәара! Избанзар шәара ишкәакәаӡа ишәу адамрақәа шәреиԥшуп. Адәахьала иԥшӡоушәа убоит, аха аҩныҵҟа аԥсыбаҩқәеи гәамс иҟоуи зегь рыла иҭәуп. 28 Шәаргьы убасоуп, ауаа шәахьырбо Анцәа имаҵ жәуа џьыршьоит, арахь шәгәы цқьаӡам, азакәангьы еилажәгоит.

29 Изакә рыцҳароузеи ишәзыԥшу, азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи, ҩ-цәак зхарԥоу шәара! Избанзар шәара аԥааимбарцәа абаҟақәа рызшәыргылоит, Анцәа имаҵзуҩцәагьы рдамрақәа шәырԥшӡоит, 30 иагьышәҳәоит: „Ҳара ҳабацәа рабацәа рхаан ҳанхозҭгьы, урҭ ҳрыдгыланы аԥааимбарцәа ршьа каҳҭәаӡомызт“. 31 Убасала аԥааимбарцәа зшьыз шәшырхылҵыз шьақәшәырӷәӷәоит. 32 Инашәыгӡа, нас, шәабацәа злагаз аус.

33 Амаҭқәа, амаҭхшақәа шәара! Аӡбара амш шәацәынхоит ҳәа шәгәы иаанагома? Анцәа геенна* шәалаижьуеит. 34 Убри азоуп сара аԥааимбарцәеи, ауаа ҟәышқәеи, амҩақәҵаҩцәеи зышәзынасышьҭуа. Шәара урҭ рахьтә шьоукы шәшьуеит, егьырҭ ашьаҟа икыдышәҵоит, егьырҭ шәсинагогақәа рҿы ҟамчыла ишәыпҟалоит, даҽа шьоукы ақалақьқәа ирылышәцалоит. 35 Авель инаиркны аԥшьаҭыԥи акәырбаннагарҭеи рыбжьара ишәшьыз Вара́хиа иԥа Заха́риа иҟынӡа, адгьыл аҿы икаҭәаз Анцәа имаҵзуҩцәа ршьазы ахара зегь шәара ишәыдлоит. 36 Аиаша шәасҳәоит: абри зегь азы ахара ари абиԥара иадлоит.

37 Иерусалим, Иерусалим, уара аԥааимбарцәа ушьуеит, Анцәа иузынаишьҭуа ауаагьы ахаҳә иаургоит... Аҟәарҭ акәҷарақәа еизганы амҵәыжәҩақәа ишырхәыҵанакуа еиԥш, шаҟантә ухәыҷқәа ԥхьаскырц сҭахызи! Аха шәара ишәҭахымхеит. 38 Убри аҟынтә Анцәа шәыҩны аанижьуеит. 39 Сара ишәасҳәоит: „Дныҳәоуп Иегова* ихьӡала иаауа!“ ҳәа шәҳәаанӡа уаҳа сыжәбаӡом».

24 Иисус аныҳәарҭа дандәылҵуаз, иҵаҩцәа наидгылеит, аныҳәарҭа зегь идырбарц азы. 2 Иара иҳәеит: «Ижәбома абри зегьы? Аиаша шәасҳәоит, абраҟа хаҳәыки хаҳәыки еиқәны иаанхаӡом, зегь ԥыххааса ицоит».

3 Амаслинаҵлақәа рышьхаҿы дантәаз, иҵаҩцәа наидгылан, ус иазҵааит: «Иҳауҳәар ҳҭахын, ианбаҟало абри зегьы? Иарбан дыргоу иаҳзырбо ушыхынҳәыз*, насгьы ари адунеи аҵыхәтәа* шааигәахаз?»

4 Иисус ус реиҳәеит: «Шәгәышәҽаныз, аӡәгьы шәимжьааит, 5 избанзар сыхьӡ зманы иаауа рацәаҩхоит, иагьырҳәалоит: „Сара Христос соуп“, убас иржьо рацәаҩхоит. 6 Ана-ара аибашьрақәа шцо шәаҳалоит, аха шәымшәан, избанзар уи зегь ҟалараны иҟоуп. Аха адунеи аҵыхәтәа усҟан акәӡам ианааиуа.

7 Ажәлари ажәлари еибашьлоит, аҳреи аҳреи еиҿагылоит, ана-ара амлакреи адгьылҵысрақәеи ҟалоит. 8 Убасоуп арыцҳарақәа ишрылаго.

9 Усҟан ишәышьҭашәарыцалоит, шәагьыршьлоит, насгьы сыхьӡ азы ажәларқәа зегьы шәырцәымыӷхоит. 10 Усҟан ахаҵара зцәыӡуа рацәаҩхоит, аӡәи-аӡәи еибаҭилоит, цәымӷыс ишьҭибахлоит. 11 Имаҷҩымкәа амцԥааимбарцәа цәырҵуеит, иржьогьы рацәаҩхоит. 12 Ацәгьоурақәа ахьырацәахо иахҟьаны, ауаа реиҳараҩык абзиабара рцәыӡуеит. 13 Аха аҵыхәтәанынӡа изычҳаз деиқәхоит. 14 Аҳра иазку ажәабжь бзиа адунеи зегь аҿы ирылаҳәахоит, ажәларқәа зегьы ираҳарц азы. Убасҟан иааиуеит аҵыхәтәа.

15 Аԥааимбар Даниил дызлацәажәоз ақәӡаара аазго ахәымгара иԥшьоу аҭыԥ аҿы ишгылоу аныжәбалак (иаԥхьо* еиликааит), 16 усҟан Иудеиа иҟақәоу ашьхарахь иҩны ицааит. 17 Аҩны ахыб иқәу иакәзар, имаҭәақәа дәылигарц азы сылбаауеит ҳәа даламгааит, 18 амхы иҭоугьы хыхьтәи имаҭәа игарц азы дыхнымҳәааит. 19 Шаҟа ирыцҳахозеи урҭ амшқәа раан зцәазтәымкәа иҟоу аҳәсеи агәыԥҳәы иаҵоу аԥшқацәа змоу аҳәсеи! 20 Анцәа шәиҳәала аҩра шәықәымшәарц аӡынра, мамзаргьы асабшаҽны, 21 избанзар усҟан иҟалоит адунеи аншаз инаркны иахьа уажәраанӡа иҟамлац, уаҳа иҟаларангьы иҟам арыцҳара ду. 22 Уи аамҭа ркьаҿмызҭгьы аӡәгьы дзеиқәхомызт, аха Анцәа иалихыз раҳаҭыр азы уи аамҭа ркьаҿхоит.

23 Усҟан ишәарҳәар: „Христос ара дыҟоуп!“, ма „Ана дыҟоуп!“ ҳәа, ихашәымҵан, 24 избанзар аџьашьахәқәа рацәаны иҟазҵо амцхристосцәеи амцԥааимбарцәеи цәырҵуеит, дара Анцәа иалихызгьы ржьарц рҭаххоит. 25 Ижәдыруаз, сара заа шәгәышәҽанысҵеит. 26 Абасала, „уи ацәҳәыраҿы дыҟоуп“ ҳәа шәарҳәаргьы, шәымцан, „имаӡоу аҭыԥ аҿы дыҟоуп“ ҳәа шәарҳәаргьы, ихашәымҵан. 27 Ауаҩытәыҩса Иԥа ихынҳәра* мрагылара ицәырҟьо, аха мраҭашәаранӡа иубо амацәыс иеиԥшхоит. 28 Аԥсхаԥсжьы ахькажьу ауарбажәқәа еизоит.

29 Убарҭ амшқәа раан иҟало арыцҳара ашьҭахьҵәҟьа, амра лашьцоит, амза еиқәаҵәахоит, аеҵәақәа кыдыбгоит, ажәҩан амчқәагьы ҵысуеит. 30 Убасҟан ажәҩан аҿы ауаҩытәыҩса Иԥа идырга цәырҵуеит, убри аҟынтә ажәларқәа зегьы ргәы иаасуа еибарҵәыуалоит. Дара дырбоит амч зманы, хьыӡла-ԥшала аԥҭақәа ирылаланы иаауа ауаҩытәыҩса Иԥа. 31 Абыкь абыжь ду ангалак, иара амаалықьцәа ишьҭуеит, ԥшь-ԥшак рҟынтә*, ажәҩан ахи-аҵыхәеи рҟынтә, Анцәа иалихыз еизыргарц азы.

32 Шәазхәыц: алаҳаҵла амахәҭа ҿақәа рҿы абыӷьқәа пытуа ианалаго, аԥхынра шааигәоу жәдыруеит. 33 Убасҵәҟьа абри зегь аныжәбалак, ижәдыруаз ауаҩытәыҩса Иԥа дааирц акгьы шигым, ашә дшылагылоу. 34 Аиаша шәасҳәоит: ари абиԥара ииасаанӡа абри зегь ҟалоит. 35 Ажәҩани адгьыли ықәӡаауеит, аха сажәа ахаангьы иӡӡом.

36 Уи амши асааҭи анааиуа аӡәгьы издырӡом, ажәҩан аҿы иҟоу амаалықьцәагьы ирыздырӡом, Аԥагьы издырӡом, издыруа — Саб заҵәык иоуп. 37 Нои ихаан ишыҟаз еиԥш ауп ауаҩытәыҩса Иԥагьы даныхынҳәуа* ишыҟало. 38 Аӡхыҵра ҟалаанӡа ауаа акрырфон, акрыржәуан, аҳәса ааргон, хаҵа ицон, убри иаҿын Нои аковчег дҭалаанӡа. 39 Аӡы рыжәланы зегь ықәнахаанӡа акгьы ишазымхәыцуаз еиԥш ауп ауаҩытәыҩса Иԥа даныхынҳәуагьы ишыҟало. 40 Усҟан ҩыџьа ахацәа амхы иҭазаауеит: руаӡәк дгахоит, егьи дааныжьхоит. 41 Илаго ҩыџьа аҳәса рҟынтә аӡә дгахоит, егьи дааныжьхоит. 42 Убри аҟынтә шәгәышәҽаныз, избанзар Ишәықәиҭу данаауа амш шәыздырӡом.

43 Шәазхәыц: аԥшәма аӷьыч данааиуа идыруазҭгьы, дмыцәаӡакәа дҷаԥшьалон, иҩны дыҩналаргьы иуӡомызт. 44 Убри аҟынтә шәаргьы шәҽырхианы шәыҟаз, избанзар ауаҩытәыҩса Иԥа шәанымгәыӷуа асааҭ азоуп данаауа.

45 Дызусҭада узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш? Уи аԥшәма иҩнаҭаҿы иҟоу егьырҭ имаҵуцәа дырхаиргылеит, ианаамҭоу афатә риҭаларц азы. 46 Насыԥ имоуп уи амаҵуҩы, иԥшәма данаалак, идиҵаз аус дшаҿу ибар. 47 Аиаша шәасҳәоит, уи имазара зегьы дахаиргылоит.

48 Аха уи дмаҵуҩы цәгьахар, насгьы „сыԥшәма макьана дааӡом“ ҳәа ҳәаны, 49 егьырҭ амаҵуцәа рыпҟара далагар, аҩыжәцәа дрыдтәаланы акрифалар, акрижәлар, 50 данымгәыӷуа амши асааҭи рзы иԥшәма дааны, 51 аума изааганы, ҩ-цәак зхарԥоу ахьыҟоу дрылаижьуеит. Уа иара ихаԥыц аҿҿа арго дҵәыуалоит.

25 Усҟан жәҩантәи Аҳра жәаҩык аҭыԥҳацәа иреиԥшхоит. Дара ркәаҷабқәа аашьҭыхны, ԥҳәыс даазго ахаҵа иԥыларц ицеит. 2 Урҭ рҟынтә хәҩык ҟәышқәан, хәҩык ҟәышӡамызт. 3 Иҟәышмыз аҭыԥҳацәа акәаҷабқәа ргеит, аха ирҭаз анынҵәалак, иҭарҭәашаз ахәша рымгаӡеит. 4 Иҟәышыз аҭыԥҳацәа ракәзар, дара акәаҷабқәагьы ргеит, ирҭарҭәашаз ахәшагьы ргеит. 5 Аха аԥҳәыс даазгоз ахаҵа данымаа, зегьы ацәа иҭанагалан, иамхацәеит. 6 Ус, аҵх агәазы бжьык аагеит: „Даауеит! Шәиԥыл!“ 7 Усҟан аҭыԥҳацәа зегь ҩагылан, ркәаҷабқәа дырхиеит. 8 Иҟәышмыз аҭыԥҳацәа иҟәышыз ус рарҳәеит: „Маҷк ахәша ҳашәҭ, мамзар ҳкәаҷабқәа ыцәоит“. 9 Иҟәышыз аҭыԥҳацәа ус рҳәеит: „Ахәша шәара ишәаҳҭар, ҳаргьы иаҳзымхар ҟалоит. Шәцаны, изҭиуа рҿы иаашәхәар еиҳа еиӷьуп“. 10 Урҭ ахәша аахәара иҟанаҵы, аԥҳәыс даазгоз ахаҵа дааит. Зҽырхианы иҟаз аҭыԥҳацәа уи ахаҵа ачара ахьыҟаз аҩны ицыҩналеит, убри ашьҭахьгьы ашә акит. 11 Ахәша аахәара ицаз аҭыԥҳацәа анааи, ус рҳәеит: „Ҳаҳ, ухаҵкы! Ашә ҳзаарт!“ 12 Аха иара иҳәеит: „Аиаша шәасҳәоит, сара шәсыздырӡом“.

13 Убри аҟынтә шәгәышәҽаныз, избанзар уи амши асааҭи шәыздырӡом.

14 Иара убас жәҩантәи Аҳра даҽа тәылак ахь ацара згәы иҭоу ахаҵа иеиԥшуп. Уи дцаанӡа имаҵуцәа еизганы, имазара рнапы ианиҵеит. 15 Аӡәы хә-талантк* ииҭеит, егьи — ҩ-талантк, ахԥатәи — талантк. Дасу илшара зеиԥшраз еиԥш ирзишан, даҽа тәылак ахь дцеит. 16 Хә-талантк зауз амаҵуҩы урҭ иаразнак аус ахь ишьҭын, даҽа хә-талантк ирҳаит. 17 Ҩ-талантк заузгьы убасҵәҟьа ҟаиҵан, даҽа ҩ-талантк ирҳаит. 18 Талантк зауз иакәзар, дцан, иоуз аталант анышә жны иҵеиҵеит.

19 Имаҷымкәа аамҭа анца, урҭ амаҵуцәа рыԥшәма даан, иԥарақәа реизгара далагеит. 20 Раԥхьа хә-талантк зиҭаз даҽа хә-талантк иманы даан, иҳәеит: „Саҳ, уара хә-талантк суҭеит. Уахәаԥш, сара даҽа хә-талантк сырҳаит“. 21 Усҟан аԥшәма иҳәеит: „Даараӡа ибзиоуп, зыгәра агара иаԥсоу смаҵуҩ бзиа! Уара амаҷ аҿы угәра згартә ушыҟоу сурбеит, убри аҟынтә еиҳау уахасыргылоит. Уԥшәма игәырӷьара ицеиҩша“. 22 Анаҩс ҩ-талантк зауз дааин, иҳәеит: „Саҳ, уара ҩ-талантк суҭеит. Уахәаԥш, сара даҽа ҩ-талантк сырҳаит“. 23 Усҟан аԥшәма иҳәеит: „Даараӡа ибзиоуп, зыгәра агара иаԥсоу смаҵуҩ бзиа! Уара амаҷ аҿы угәра згартә ушыҟоу сурбеит, убри аҟынтә еиҳау уахасыргылоит. Уԥшәма игәырӷьара ицеиҩша“.

24 Аҵыхәтәаны талантк зауз дааин, ус иҳәеит: „Саҳ, сара издыруан уара ушуаҩы џьбароу. Уара иахьылоумҵаз аҽаҩра ҭаугалоит, иумԥсаҟьаз еизугоит. 25 Убри азы сшәан, сцаны исуҭаз аталант адгьыл иҵасҵеит. Абар уԥарақәа“. 26 Аԥшәма иҳәеит: „Акгьы иаԥсам амаҵуҩы, аашьаҩ уара! Ус акәзар, уара иудыруан иахьыласымҵаз аҽаҩра шҭазгало, иахьысмыԥсаҟьаз ишеизызго. 27 Убри аҟынтә сԥара аус ахь иушьҭыр акәын. Усҟан саныхынҳәлак, сԥара иацҵаны исоуан“.

28 Анаҩс аԥшәма имаҵуцәа иреиҳәеит: „Италант имхны жәа-талантк змоу ишәҭ. 29 Избанзар измоу еиҳагьы иоуеит, меигӡарахдагьы имазаауеит. Измам имоугьы имырхуеит. 30 Акгьы иаԥсам ари амаҵуҩы наҟ алашьцара далашәыжь. Уа иара ихаԥыц аҿҿа арго дҵәыуалоит“.

31 Ауаҩытәыҩса Иԥа хьӡи-ԥшеи иманы, амаалықьцәа зегь ицны данаалак, иблахкыгоу итәарҭаҭыԥ аҿы дтәоит. 32 Ажәларқәа зегьы иара иҿаԥхьа еизгахоит. Ахьча аџьмақәеи ауасақәеи шеилихуа еиԥш, иара урҭ еилихуеит. 33 Ауасақәа иарӷьарахь иргылоит, аџьмақәа — иармарахь.

34 Уи ашьҭахь Аҳ иарӷьарахь игылоу иреиҳәоит: „Саб ииныҳәаз, шәааи адунеи анышьақәыргылаз инаркны* ишәзырхиаз Аҳрахь. 35 Шәара амла санакуаз, акрысҿашәҵеит, аӡба санакуаз, аӡы сшәыржәит. Сахьаангылаша ансымамыз, сшәыдышәкылеит. 36 Исшәысҵоз ансымамыз, сеилашәҳәеит, санычмазҩыз сыжәбеит, абахҭа санҭакыз, шәсызнеит“. 37 Усҟан ауаа бзиақәа ирҳәеит: „Иҳақәиҭу, амла уакны акранбоуҿаҳҵахьаз? Ма аӡба уакны акранбоуҳаржәхьаз? 38 Уахьаангылаша умамкәа уанбаҳадаҳкылахьаз? Иушәуҵо умамкәа уанбеилаҳҳәахьаз? 39 Учмазаҩны уанбаҳбахьаз? Абахҭаҿгьы ҳанбаузнеихьаз?“ 40 Усҟан Аҳ ус реиҳәеит: „Аиаша шәасҳәоит, сашьцәа иреиҵоу руаӡәк изыҟашәҵаз саргьы исзыҟашәҵеит“.

41 Анаҩс иармарахь игылаз ус реиҳәеит: „Шәысԥырҵ наҟ, Анцәа иишәииз шәара! Аџьныш имаалықьцәеи иареи ирыздырхиаз, ахаан имыцәо амца шәамаз, 42 избанзар амла санакуаз, шәара акрысҿашәымҵаӡеит, аӡба санакуаз, аӡы сышәмыржәӡеит, 43 сахьаангылаша ансымамыз, сшәыдшәымкылаӡеит, исшәысҵоз ансымамыз, сеилашәымҳәаӡеит, санычмазҩыз сшәымбаӡеит, абахҭа санҭакызгьы, сбара шәымнеиӡеит“. 44 Усҟан дара ирҳәеит: „Иҳақәиҭу, ианбыкәу амла уакуа, аӡба уакуа, уахьцо умамкәа, иушәуҵо умамкәа, учмазаҩны, ма абахҭа уҭакны уанаҳбахьаз, насгьы ҳанумыцхраахьаз?“ 45 Усҟан иара ус реиҳәеит: „Аиаша шәасҳәоит, сашьцәа иреиҵоу руаӡәк изыҟашәымҵаз саргьы исзыҟашәымҵаӡеит“. 46 Урҭ наӡаӡа инырҵәахоит, ауаа бзиақәа наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуеит».

26 Иисус абри зегь ҳәаны даналга, иҵаҩцәа ус реиҳәеит: 2 «Шәара ижәдыруеит ҩымш рышьҭахь Мшаԥы шааиуа, ауаҩытәыҩса Иԥагьы ашьаҟаҿы дкыдҵаны дыршьырц азы иаӷацәа дышрырҭо».

3 Убри аамҭазы аԥшьаҩ еиҳабацәеи ажәлар реиҳабацәеи ԥшьаҩ хадас иҟаз Каиа́фа иашҭаҿы еизеит. 4 Дара гызмалрак хәыцны, Иисус дыкны дыршьырц рыӡбеит. 5 Аха «ажәлар ҳҿамгыларц азы аныҳәа иақәҳмыршәап» рҳәеит.

6 Иисус Вифа́ниа инхоз, ацәеилабаара змаз Си́мон иҩны даныҟаз, 7 ԥҳәыск зыфҩы хааз, зыхә цәгьаз ахәша зҭаз, алебастр иалхыз аирыӡ лыманы дааин, Иисус акранифоз, ихы ахәша ақәҭәара далагеит. 8 Ари збаз Иисус иҵаҩцәа аҟәындҟәындра иалаган, ус рҳәеит: «Ари аҩыза ахарџь аҟаҵара заҭахузеи? 9 Иуҭир еиҳа еиӷьымзи. Аԥара рацәаны иунаҭоит, нас арыцҳацәа ирзушар ҟалоит». 10 Иисус уи шыргәамԥхаз аниба, ус реиҳәеит: «Аԥҳәыс лгәы зкашәыжьуеи? Уи сара сзы аус бзиа ҟалҵеит. 11 Арыцҳацәа еснагь ишәыцзаауеит, сара еснагь сшәыцзааӡом. 12 Ахәша сықәҭәаны, лара аԥсыжра сазыҟалҵеит. 13 Аиаша шәасҳәоит: адунеи ахьынӡанаӡааӡо ари ажәабжь бзиа ахьырҳәало ари аԥҳәысгьы дыргәалашәалоит, иҟалҵазгьы еиҭарҳәалоит».

14 Усҟан Иуда Искариот зыхьӡыз, 12-ҩык ируаӡәкыз, аԥшьаҩ еиҳабацәа рахь дцан, 15 ус дразҵааит: «Иисус дшәысҭар, шаҟа сзышәшәои?» Дара 30 раӡны идыргалеит. 16 Убри инаркны иара Иисус дшиҭиша дашьҭалеит.

17 Арҵәыга злам ача аныҳәа аназгәарҭоз актәи амш аҽны Иисус иҵаҩцәа иазҵааит: «Мшаԥныҳәазы уаххьа абоузҳархиари?» 18 Иара иҳәеит: «Ақалақь ахь шәцаны, абригь-абригь абас сызиашәҳәа: „Арҵаҩы иҳәоит: ,Саамҭа ааигәахеит. Сҵаҩцәеи сареи уҩны Мшаԥныҳәа азгәаҳҭоит‘“». 19 Аҵаҩцәагьы цан, Иисус ишреиҳәаз еиԥш, Мшаԥныҳәазы зегь дырхиеит.

20 Ахәылбыҽха 12-ҩык апостолцәеи иареи ачыс иахатәеит. 21 Акрыфара ианаҿыз, иара иҳәеит: «Аиаша шәасҳәоит, шәуаӡәк сиҭиуеит». 22 Ари заҳаз аҵаҩцәа ргәы каҳан, аӡәаӡәала иазҵаауа иалагеит: «Исықәиҭу, уи сара сакәхарым?» 23 Иара иҳәеит: «Знапы асаан исыцанызшьыло иоуп сызҭиуа. 24 Ааи, ауаҩытәыҩса Иԥа иара изкны ишану еиԥш дцоит. Аха изакә рыцҳароузеи изыԥшу уи дызҭиуа! Дымир еиҳа изеиӷьхон». 25 Иисус иҭира згәы иҭаз Иудагьы иҳәеит: «Сырҵаҩы, уи сара сакәхарым?» Иисус иҳәеит: «Уара ухаҭа уи уҳәеит».

26 Акрыфара ианаҿыз, Иисус ача аашьҭихын, Анцәа диҳәеит*. Нас иааԥыҽҽны иҵаҩцәа ириҭан, ус иҳәеит: «Шәысҭ, ишәфа. Ари ача сцәеижь аанарԥшуеит». 27 Нас аҵәца аашьҭихын, Анцәа иҭабуп ҳәа иеиҳәан, иҵаҩцәа ириҭан, иҳәеит: «Зегьы ишәжәы, 28 избанзар ари аҩы сшьа аанарԥшуеит. Уи абзоурала аиқәшаҳаҭра бжьаҵахоит, аӡәырҩы рыгәнаҳақәа рхыхзарц азгьы икаҭәоит. 29 Сара ишәасҳәоит: Саб Иаҳраҿы аҩҿа аншәыцызжәло амш ааиаанӡа уаҳа аҩы зжәӡом». 30 Аҵыхәтәаны Анцәа дҳаразкуа ашәақәа рҳәан, Амаслинаҵлақәа рышьхахь ицеит.

31 Иисус иҵаҩцәа ус реиҳәеит: «Уаха шәыззегьы сааныжьны шәцоит, избанзар Аҩыраҿы иануп: „Ахьча дысшьыр, иуасақәагьы еимпуеит“. 32 Аха сыԥсы анҭалалак, Галилеиаҟа сцоит, убра сышәзыԥшызаауеит». 33 Аха Пиотр иҳәеит: «Зегьы уаанрыжьыргьы, сара ахаан уаансыжьӡом!» 34 Иисус иҳәеит: «Аиаша уасҳәоит, уаха арбаӷь ҿнаҭаанӡа, сузымдыруашәа ҟаҵаны, хынтә мап сцәукуеит». 35 Пиотр иҳәеит: «Суцыԥсыр акәхаргьы, мап уцәыскуам!» Егьырҭ аҵаҩцәагьы ирҳәоз уи акәын.

36 Уи ашьҭахь Иисус иҵаҩцәа иманы Гефсима́ниа ҳәа изышьҭаз аҭыԥ ахь дцеит, иагьреиҳәеит: «Ара шәаатәа. Сара сцаны Анцәа сиҳәоит». 37 Нас Пиотри Зеведе́и иԥацәеи иманы дцеит. Игәы хьанҭахан, агәырҩа ӷәӷәа дҭанагалеит. 38 Нас ус реиҳәеит: «Сара даараӡа сгәырҩоит, аԥсра аҟынӡа снеины сыҟоуп. Ара шәаасзыԥшы, шәмыцәан». 39 Нас хәыҷык днаскьан, дшьамхышгылан, ихы ларҟәны Анцәа иҳәара далагеит: «Саб, иауазар, абри аҵәца сумыржәын. Аха сара ишысҭаху еиԥш акәымкәа, уара ишуҭаху иҟалааит».

40 Иисус иҵаҩцәа рахь даныхынҳә, ишамхацәаз ибеит. Усҟан иара Пиотр ус иеиҳәеит: «Сааҭк шәмыцәаӡакәа ишәзымчҳаӡози? 41 Шәмыцәан, шәааҟәымҵӡакәа Анцәа шәиҳәала, акгьы шәыхнамхырц азы. Ауаҩы игәы ӷәӷәоуп*, аха ицәеижь ԥсыҽуп». 42 Аҩынтә раан днаскьан, еиҭа Анцәа иҳәара далагеит: «Саб, ари аҵәца сымжәыр амуазар, уара ишуҭаху иҟалааит». 43 Даныхынҳә, иҵаҩцәа еиҭа ишамхацәаз ибеит, избанзар ацәа риааит. 44 Нас еиҭах дырԥырҵны, ахынтә раан Анцәа диҳәарц азы дцан, дзызиҳәахьаз азы еиҭа иҳәара далагеит. 45 Анаҩс иҵаҩцәа рахь дхынҳәын, ус иҳәеит: «Уажәы ацәареи аԥсшьареи ираамҭоума? Ауаҩытәыҩса Иԥа агәнаҳаҟаҵаҩцәа данрырҭо аамҭа ааит. 46 Шәгыл, ҳцалароуп. Сызҭираны иҟоу дааихьеит». 47 Иисус иажәа ҳәаны далгаанӡа, 12-ҩык ируаӡәкыз Иуда а́ҳәақәеи алабақәеи рыла еибыҭаз ауаа рацәа ицны дааит. Урҭ аазышьҭыз аԥшьаҩ еиҳабацәеи ажәлар реиҳабацәеи ракәын.

48 Ачарҳәаҩ абри аҩыза адырга шәысҭоит ҳәа реиҳәеит: «Шәзышьҭоу иӡамҩа сагәӡуеит, убри иоуп ижәгаша». 49 Нас дышиашоу Иисус иахь днеин: «Бзиара умаз, Арҵаҩы!»,— иҳәан, иҽырхааны дигәӡит. 50 Аха Иисус ус иеиҳәеит: «Узааи арахь?» Усҟан Иуда ицны иааз ауаа Иисус инаидгылан, дыкны дыргеит. 51 Аха Иисус ицыз руаӡәк иаҳәа ааҭиԥаан, аԥшьаҩ хада имаҵуҩы илымҳа ааҿахиҵәеит. 52 Усҟан Иисус иҳәеит: «Уаҳәа аҭра иҭаҵа, избанзар аҳәа шьҭызхуа дарбанзаалак аҳәа ала дыршьуеит. 53 Саб абри аминуҭ азы 12 легион инеиҳаны амаалықьцәа сзааишьҭырц сзимыҳәо џьушьома? 54 Ус ҟасҵар, Аҩыраҿы иану шԥанаӡо?» 55 Нас Иисус ишьҭаланы инеиз ус реиҳәеит: «Цәгьарак ҟазҵаз сакәушәа, аҳәақәеи алабақәеи кны шәсышьҭаланы шәааит. Есыҽны сара аныҳәарҭаҿы стәаны ауаа Анцәа иажәа дсырҵон, аха усҟан шәсылакьысӡомызт. 56 Аха ари зегь зыҟалаз аԥааимбарцәа ирыҩуаз наӡарц азоуп». Усҟан иҵаҩцәа зегь шәан, дааныжьны иҩны ицеит.

57 Иисус дыкны дызгаз ауаа аԥшьаҩ хада Каиа́фа иахь днаргеит. Уа азакәанрҵаҩцәеи ажәлар реиҳабацәеи еизахьан. 58 Иисус аԥшьаҩ хада иахь днаргаанӡа Пиотр уи дишьҭаланы дцон, аха ԥыҭк рыбжьан. Ашҭа данҭала, иҟало збап иҳәан, амаҵуцәа дрыдтәалеит.

59 Аԥшьаҩ еиҳабацәеи Асинедрио́н иалахәызи Иисус дыршьырц рҭахын азы, амц изызҳәашаз ашаҳаҭцәа ирышьҭан. 60 Имаҷҩымкәа амцшаҳаҭцәа шааиуазгьы, ашьра иқәырҵартә еиԥш ихарарҵаша рмоуит. Ԥыҭрак ашьҭахь даҽа ҩыџьа аан, 61 ус рҳәеит: «Ҳара иҳаҳаит ари ауаҩ ишиҳәоз: „Сара Анцәа иныҳәарҭа рбганы, хымш рыла исыргылар сылшоит“ ҳәа». 62 Аԥшьаҩ хада ари аниаҳа, дҩагылан, Иисус ус иеиҳәеит: «Иуҳәаша умаӡами? Иузырҳәо умаҳаӡои?» 63 Аха Иисус ҿиҭӡомызт. Усҟан аԥшьаҩ хада Иисус ус иеиҳәеит: «Зыԥсы ҭоу Анцәа иҿаԥхьа уқәны иҳаҳә, уара Анцәа Иԥа Христос уакәҵәҟьоума?» 64 Иисус уи ус иеиҳәеит: «Уара ухаҭа аҭак ҟауҵеит. Сара ишәасҳәоит: уажәшьҭарнахыс шәара ижәбараны шәыҟоуп ауаҩытәыҩса Иԥа амч ду змоу Анцәа иарӷьараҿ дыштәоу, насгьы аԥҭақәа дрылаланы дшаауа». 65 Усҟан аԥшьаҩ хада имаҭәа ишәхаԥижәан, ус иҳәеит: «Ари Анцәа дихыччоит! Уаҳа ашаҳаҭцәа заҳҭахузеи? Анцәа дшихыччо шәлымҳақәа рыла ишәаҳаит! 66 Иахышәҳәаауеи?» «Дышьтәуп», — рҳәеит дара. 67 Усҟан шьоукы иҿажьцәо, ҭаҷкәымла исуа иалагеит. Егьырҭ иҿасуан, 68 иагьырҳәон: «Еи, Христос, уԥааимбарзар, иусыз дызусҭоу умҳәои».

69 Уи аамҭазы Пиотр ашҭаҿы дтәан. Ус, маҵуҩԥҳәыск днаидгылан, ус иалҳәеит: «Уаргьы галилеиатәи Иисус уицын!» 70 Аха иара зегь рҿаԥхьа мап икын, ус иҳәеит: «Бызлацәажәо сзеилкаауам?» 71 Агәашәахь даннеи, уа даҽа маҵуҩԥҳәыск дгәалҭан, еилагылаз иралҳәеит: «Ари назареттәи Иисус дицын». 72 Аха Пиотр уи дсыздырӡом ҳәа еиҭа ақәра далагеит. 73 Ԥыҭрак ашьҭахь, уа еилагылаз ауаа Пиотр ус иарҳәеит: «Уаргьы урҭ уруаӡәкуп, рцәажәашьоуп иумоу». 74 Усҟан Пиотр ихы ишәиуа ақәра далаган, ус иҳәеит: «Сара уи дсыздырӡом!» Убри аминуҭ азгьы арбаӷь ҿнаҭит. 75 Усҟан Пиотр игәалашәеит Иисус ишиҳәахьаз: «Арбаӷь ҿнаҭаанӡа, сузымдыруашәа ҟаҵаны, хынтә мап сцәукуеит». Ашҭагьы дынҭыҵын, инеимаҭәаны аҵәыуара далагеит.

27 Ашьыжь аԥшьаҩ еиҳабацәеи ажәлар реиҳабацәеи еизеит, Иисус дшыршьша иалацәажәарц азы. 2 Нас дҿаҳәаны, напхгаҩыс иҟаз Пилат днаганы дирҭеит.

3 Иисус дызҭииз Иуда Иисус ашьра шиқәырҵаз анеиликаа, иҟаиҵаз дахьхәын, аԥшьаҩ еиҳабацәеи ажәлар реиҳабацәеи 30 раӡны рызирхынҳәын, 4 ус иҳәеит: «Сара агәнаҳа ҟасҵеит, акгьы зхарам ауаҩы дысҭиит». Аха дара ус иарҳәеит: «Ҳара уи хьаас иҳамаӡам. Иуҭаху ҟаҵа». 5 Ус анырҳәа, араӡны ԥара аныҳәарҭа иҩнаԥсаны ддәылҵит. Нас дцан, иҽыкнеиҳаит. 6 Аԥшьаҩ еиҳабацәа икаԥсаз аԥара еизырган, ус рҳәеит: «Арҭ аԥарақәа аныҳәарҭаҿы иҟоу ахазынаҭра иҳазҭаҵаӡом, избанзар урҭ шьала ирҳау ԥароуп». 7 Ианеилацәажәа ашьҭахь, дара уи аԥарала аҳаԥшьаҟаҵаҩ идгьыл аархәеит, уа атәымуаа ржларц азы. 8 Убри инаркны уи Ишьаарҵәыроу адгьыл ҳәа азырҳәо иалагеит. Иахьагьы убас азырҳәоит. 9 Убас инаӡеит аԥааимбар Иереми́а ииҳәаз абарҭ ажәақәа: «Дара израильаа уи ауаҩ иқәырҵаз 30 раӡны рган, 10 Иегова* ишсеиҳәаз еиԥш, аҳаԥшьаҟаҵаҩ идгьыл аархәеит».

11 Иисус Пилат иахь даннарга, Пилат дҵааит: «Уара аиудеиаа раҳ уоума?» Иисус иҳәеит: «Уара ухаҭа аҭак ҟауҵеит». 12 Аха аԥшьаҩ еиҳабацәеи ажәлар реиҳабацәеи ахара анидырҵоз, иара ҿиҭуамызт. 13 Усҟан Пилат иҳәеит: «Иузырҳәо умаҳаӡои?» 14 Аха Иисус ажәакгьы имҳәаӡеит. Пилат уи даараӡа иџьеишьеит.

15 Есмшаԥы Пилат ажәлар ирҭахыз ацәгьаҟаҵаҩ доуишьҭуан. Уи ҵасс иман. 16 Убри аамҭазы Вара́вва зыхьӡыз, зегь еицырдыруаз ацәгьаҟаҵаҩ дҭакын. 17 Убри аҟынтә Пилат еизаз ажәлар дразҵааит: «Иоусышьҭрыда, Вара́вва иакәу, Христос ҳәа изышьҭоу Иисус иакәу?» 18 Пилат идыруан, Иисус иҵашьыцны дыширҭаз. 19 Уи инеиҳангьы, иӡбарҭаҭыԥ аҿы дантәаз, иԥҳәыс абас изаалыцҳаит: «Акгьы зхарам ари ауаҩ уиламкьысын, избанзар иахьа ԥхыӡла иара ихҟьаны сгәаҟуан». 20 Аха ауаа Пилат иҳәон, Вара́вва доушьҭны, Иисус дишьырц. Уи рыҵазҳәаз аԥшьаҩ еиҳабацәеи ажәлар реиҳабацәеи роуп. 21 Пилат еиҭах дразҵааит: «Рыуа иоусышьҭрыда?» — «Вара́вва», — рҳәеит дара. 22 Пилат иҳәеит: «Христос ҳәа изышьҭоу Иисус изызурызеи?» Дара еицҿакны ирҳәеит: «Ашьаҟа дкыдҵа!» 23 Иара иҳәеит: «Дзыхшәырҟьои? Цәгьарас иҟаиҵеи?» Аха дара еиҳагьы рыбжьы ҭыганы иҳәҳәон: «Ашьаҟа дкыдҵа!»

24 Пилат акгьы шалымҵуаз анеиликаа, ажәларгьы еиҳа-еиҳа рыҽшдырцәгьоз аниба, инапқәа иӡәӡәан, ус иҳәеит: «Ари ауаҩ иԥсра* сара исхараӡам, шәара шәоуп изхароу». 25 Ажәлар ари анраҳа, еицҿакны ирҳәеит: «Иԥсра ҳхәыҷқәеи ҳареи иаҳхаразааит». 26 Усҟан Пилат Вара́вва доуишьҭит. Нас Иисус ҟамчыла дыпҟаны, ашьаҟа дкыдырҵарц адҵа ҟаиҵеит.

27 Аруаа Иисус Пилат иаҳҭынрахьы дырган, ар зегь идеизыргалеит. 28 Дара Иисус ишәыз ишәыхны, амаҭәа ҟаԥшь ишәхадырԥеит, 29 амаӷ иалхны агәыргьын ҟарҵан, ихарҵеит, иарӷьа напы алаба адыркит. Нас иҿаԥхьа ишьамхышгыланы, ихыччо ирҳәон: «Бзиара умаз, аиудеиаа раҳ!» 30 Дара иҿажьцәон, лабалагьы ихы иасуан. 31 Иҵәылхра ианаҟәыҵ, ишәхарԥаз ишәыхны, имаҭәа ишәҵаны дрыманы ицеит, ашьаҟа дкыдырҵарц азы.

32 Ақалақь ианалҵуаз, Си́мон зыхьӡыз Кире́на иатәыз хаҵак дрықәшәеит. Уи Иисус дкыдырҵараны дахьыҟаз ашьаҟа даҵарҵеит. 33 Ус дара Голго́фа инеит. Уи ахьӡ «ахыбаҩ» аанагоит. 34 Иисус аҩы иашаз ак алаҭәаны ирҭеит, аха агьама ангәеиҭа, имжәӡеит. 35 Ашьаҟа данкыдырҵа, аҵәы ҭаԥсаны* рыбжьара хыхьтәи имаҭәа ршеит. 36 Нас итәаны, иҷаԥшьара иалагеит. 37 Иханы дзыхдырҟьаз анырҵеит: «Иисус, аиудеиаа раҳ».

38 Иисус ивараҿы ҩыџьа ацәгьаҟаҵаҩцәа кнаҳан: аӡәы — иарӷьарахь, егьи — иармарахь. 39 Иаҩсны ицоз иҟоу зегь изҳәо, рыхқәа рҵысуа ихыччон, 40 иагьырҳәон: «Еи, хымш рыла аныҳәарҭа рбганы изыргылоз, ухы еиқәырха! Анцәа иԥа уакәзар, ашьаҟа аҟынтә улбаа!» 41 Убасҵәҟьа ихыччон аԥшьаҩ еиҳабацәеи, азакәанрҵаҩцәеи, ажәлар реиҳабацәеи, иагьырҳәон: 42 «Егьырҭ еиқәирхон, арахь ихы изеиқәырхаӡом! Израиль аҳ иами, дылбааит ашьаҟа аҟынтә, усҟан игәра ҳгоит. 43 Иара Анцәа диқәгәыӷуан, Анцәа Иԥа соуп ҳәагьы иҳәон. Нас уиаҟара диҭахызар, дзеиқәимырхои?» 44 Наҟ-ааҟ ицкнаҳаз ацәгьаҟаҵаҩцәагьы ихыччон.

45 Шьыбжьон, асааҭ 12 шыҟаз*, уа адгьыл зегь лашьцеит, асааҭ 3-нӡагьы* алашьцара ахыҵуамызт. 46 Асааҭ 3 раҟара аныҟаз, Иисус ибжьы ҭыганы иҳәеит: «Ели́, ели́, лама́ савахфани́?» — уи иаанагоит: «Сынцәа, Сынцәа, сзаанужьзеи?» 47 Уа игылаз шьоукы уи анраҳа, ус рҳәеит: «Илиа изҿиҭуеит». 48 Урҭ руаӡәк иаразнак дыҩны дцан, абамба* абжьеи иларчачаны алаба иахеиҵан, ииржәырц далагеит. 49 Аха егьырҭ ирҳәеит: «Уиҟәаҵ! Илиа дааны деиқәирхозар ҳамбари». 50 Иисус еиҭа ибжьы ҭыганы дыҳәҳәан, дыԥсит.

51 Усҟан аԥшьаҭыԥ аҿы икнаҳаз аԥарда ахы инаркны аҵыхәанӡа иԥжәеит! Адгьылҵысра ҟалеит, ацаҟьақәагьы еиҟәжәеит. 52 Адамрақәа аатын, иԥсны иҭаз* Анцәа имаҵзуҩцәа рацәаҩны иҭыбгеит. 53 Уи збазгьы даараӡа ирацәаҩхеит. (Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь, адамрақәа рааигәара иҟаз ауаа иԥшьоу ақалақь ахь инеит). 54 Ар реиҳаби Иисус дызҷаԥшьоз аруааи иҟалаз зегь анырба, даараӡа ишәан, ирҳәеит: «Ииашаҵәҟьаны, ари Анцәа Иԥа иакәзаарын».

55 Харантәи уи зегь збоз аҳәса рацәан. Иисус Галилеиантәи данцоз даргьы иццеит, имаҵ руларц азы. 56 Урҭ рыбжьара дыҟан Мариа Магдалина, Иакови Иосифи ран Мариа, иара убас Зеведе́и иԥацәа ран.

57 Ахәылбыҽха Аримафе́иантәи амал змаз хаҵак дааит. Уи Иосиф ихьӡын. Иаргьы Иисус иҵаҩ иакәын. 58 Иара Пилат диҳәеит Иисус иԥсыбаҩ ииҭарц. Усҟан Пилат аруаа иреиҳәеит Иисус Иосиф дирҭарц. 59 Иосиф Иисус диган, ақәны цқьа иалхыз ицқьаз аба дылеиҳәеит. 60 Нас ацаҟьаҿы иҟаҵаны имаз адамра ҿыц дҭеиҵан, ахаҳә ду адыргыланы дцеит. 61 Аха Мариа Магдалинеи егьи Мариеи уа иаанхан, адамра аԥхьа итәеит.

62 Абри зегьы ҟалеит асабша рҽаназыҟарҵоз амш аҽны. Адырҩаҽны аԥшьаҩ еиҳабацәеи афарисеицәеи рҽеидкыланы Пилат иахь инеин, 63 ус рҳәеит: «Ҳара иаҳгәалашәеит ари амцҳәаҩ иԥсы анҭаз ишиҳәоз: „Хымш рышьҭахь сыԥсы ҭалоит“ ҳәа. 64 Убри аҟынтә аруаа ахԥатәи амш аҽнынӡа адамра рҷаԥшьаларц адҵа ҟаҵа. Мамзар иҵаҩцәа неины дырӷьычуеит, нас ауаа иԥсы ҭалеит ҳәа рарҳәоит. Усҟан аҵыхәтәантәи амц аԥхьатәи аасҭа еицәахоит». 65 Пилат иҳәеит: «Абар аруаа. Шәцаны ишәыхьчала». 66 Усҟан дара цан, ахаҳә амҳәыр аадырхан, аруаа аддыргылеит.

28 Асабша аниас, амчыбжь актәи амш аҽны, шарԥазы Мариа Магдалинеи егьи Мариеи адамра иахәаԥшырц иааит.

2 Ус, адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит, избанзар ажәҩан аҟынтә Иегова* имаалықь дылбааит. Иара адамра ахаҳә адганы, уи ахаҳә дықәтәан. 3 Амаалықь амацәыс еиԥш длашон, ишәыз амаҭәа асы еиԥш иҟәашкакараӡа иҟан. 4 Адамра зыхьчоз ари анырба, ргәы ҭҟьаны, аԥсы иеиԥш изымҵысуа игылан.

5 Амаалықь аҳәса ус реиҳәеит: «Шәымшәан, сара издыруеит ашьаҟа икыдҵаны иршьыз Иисус шәышишьҭоу. 6 Уи ара дыҟаӡам, ишиҳәоз еиԥш, иԥсы ҭалеит. Шәнеи, дахьышьҭаз аҭыԥ шәахәаԥш. 7 Нас ирлас шәцаны, Иисус иҵаҩцәа ирашәҳәа: „Иисус иԥсы ҭалеит. Галилеиа дышәзыԥшызаауеит. Убра дыжәбоит.“ Ишәасҳәаз шәхашәмыршҭын».

8 Аҳәсагьы иаразнак адамра инҭыҵын, ишшәозгьы, игәырӷьаҵәа Иисус иҵаҩцәа рахь ицеит, ирбаз-ираҳаз рзеиҭарҳәарц азы. 9 Ишцоз, Иисус дырԥылан, аԥсшәа реиҳәеит. Даргьы наидгылан, рнапқәа ишьапқәа инарыкәдыршан, ишьамхышгылан иеихырхәеит. 10 Иисус иҳәеит: «Шәымшәан, шәцаны сашьцәа ирашәҳәа Галилеиаҟа ицарц, убра сырбоит».

11 Аҳәса амҩа иқәнаҵы, адамра зыхьчоз ақалақь ахь ицан, аԥшьаҩ еиҳабацәа иҟалаз зегь рзеиҭарҳәеит. 12 Аԥшьаҩ еиҳабацәеи ажәлар реиҳабацәеи еицәажәан, аруаа араӡны ԥара рацәаны ирырҭеит, 13 иагьрарҳәеит: «Абас шәҳәала: „Уахынла ҳшыцәаз иҵаҩцәа ааин, аԥсы дырӷьычит.“ 14 Иҟалаз Пилат илымҳа иҭасыргьы, хьаас ишәымкын, ҳара зегь изеиҭаҳҳәоит». 15 Аруаагьы ирырҭаз аԥара рган, ишрарҳәаз еиԥш зегь ҟарҵеит. Уи амц иахьа уажәраанӡагьы ауриацәа ирылоуп.

16 11-ҩык аҵаҩцәа Галилеиаҟа ицеит, Иисус шәца ҳәа ахьреиҳәахьаз ашьхарахь. 17 Иисус данырба, иеихырхәеит, аха шьоукы иара шиакәыз агәра рызгомызт. 18 Иисус днарыдгылан, ус реиҳәеит: «Анцәа сара ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы амчра зегь сиҭеит. 19 Убри аҟынтә шәца, ажәларқәа зегьы рҿы аҵаҩцәа азыҟашәҵала, Аби, Аԥеи, иԥшьоу адоуҳаи рыхьӡала аӡы иӡаашәхла, 20 ишәыдысҵаз зегь анагӡашьа дшәырҵала. Ари адунеи аҵыхәтәа* ааиаанӡа сара есыҽны сшәыцзаауеит».

Ма «Мессиа; Анцәа иалихыз». Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахәша зыхьшьу».

Ма «Анцәа имчала».

Ауриатә ҵас инақәыршәаны, арԥыс аԥҳәызба даниҳәалак ашьҭахь, лхаҵа иакәны дыԥхьаӡан.

Ари Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа реиҭагаҿы Анцәа ихьӡ, Иегова, ихадоу атекст аҿы 237-нтә иуԥылоит. Ара раԥхьаӡакәны иуԥылоит. Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ауриа бызшәала «Иешуа», иаанагоит «Иегова Аиқәырхаҩ иоуп».

Ирод Дуӡӡа I. Шәахәаԥш Ажәар.

Ма «Мессиа; Анцәа иалихыз». Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахәша зыхьшьу».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ма «иӡааишьуан».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Шәахәаԥш Ажәар.

Шәахәаԥш Ажәар.

Шәахәаԥш Ажәар.

Шәахәаԥш Ажәар.

Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Анцәа.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ацәгьа».

Ма «аӡәгьы ибарҭам Уаб».

Ма «иԥшьазааит».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ҳуалқәа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ҳуал зқәу».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ацәгьа».

Ма «аӡәгьы ибарҭам Уаб».

Ма «иԥсы».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «мышьхәылҵк». Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ма «а́ҳаҭа». Уи арахә рцәа иалырхуан.

Ма «Аџьныш».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицқьам адоуҳақәа».

Ма «еилҟьоу, иҳаҵҳаҵо».

Убасала иаадырԥшуан уаҳа аҭакԥхықәра шрыдмыз.

Аҩсҭаа — адемонцәа раҳ.

Шәахәаԥш Ажәар.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ассарик». Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ма «адгьыл иқәҳаӡом».

Ма «згәаҟратә шьаҟа». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Агәаҟратә шьаҟа».

Ма «зыԥсҭазаара».

Ма «иԥсҭазаара».

Ма «сара исыхҟьашаны икамҳауа ауаҩы».

Абырзен ажәа ҳа́дес. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».

Ма «ахынраалара сылоуп».

Ма «Анцәа иҿаԥхьа иқәырҵоз ача».

Аҩсҭаа.

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Адунеи».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицқьам адоуҳа».

Ма «Анцәа уаа иашақәаны ииԥхьаӡогьы».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ацәгьа».

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Адунеи».

Ма «агорчица жәла». Уи ианазҳалак иҵлахоит, 4 метрак рҟынӡагьы инаӡоит.

Адами Евеи ахшара анроу инаркны.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ацәгьа».

Шәахәаԥш Ажәар.

Ирод Анти́па. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ирод».

Аиха иалху аҿаҳәага.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иныҳәеит».

Уи иаанаго аҵаҩцәа рнапқәа ҟьашьыҵәҟьан ҳәа акәӡам, уи иаанаго рнапқәа ауриатә ҵасқәа инарықәыршәаны иӡәӡәамызт ҳәа ауп.

Абырзен ажәа порне́иа арацәа хыԥхьаӡараҿы. Шәахәаԥш Ажәар.

Абырзен ажәа ҳа́дес. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «сышьҭахь угыл».

Ма «игәаҟратә шьаҟа». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Агәаҟратә шьаҟа».

Ма «зыԥсҭазаара».

Ма «иԥсҭазаара».

Ма «агорчица жәла». Уи ианазҳалак иҵлахоит, 4 метрак рҟынӡагьы инаӡоит.

Ари ажәеинраала абиблиатә еиҭагақәак рҿы иҟоуп, аха зыгәра угартә иҟоу ажәытә бырзен манускриптқәа рҿы иҟаӡам. Шәахәаԥш Ацҵа А3.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «адидрахма». Уи ҩымш рыла идырҳауан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «астатир». Уи тетрадрахман ҳәа рыԥхьаӡоит. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ма «ахынраалара злоу».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «сыхьӡ аҳаҭыразы».

Шәахәаԥш Ажәар.

Ари ажәеинраала абиблиатә еиҭагақәак рҿы иҟоуп, аха зыгәра угартә иҟоу ажәытә бырзен манускриптқәа рҿы иҟаӡам. Шәахәаԥш Ацҵа А3.

Ара зыӡбахә ҳәоу аизара ахаҭарнакцәа роуп.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «егьырҭ ажәларқәа иреиуоуи».

Аталант ҳәа изышьҭаз араӡны ԥара акәын. 10 000 талант 60 000 000 динар иаҟаран. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Адинар — 3,85 грамм иҟаз раӡны ԥаран. Уи мышкала идырҳауан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «длыдҷаблоит».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «цәеижькны».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «еицҵеикыз».

Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «евнухцәоуп». Шәахәаԥш Ажәар.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Анцәа иоуп ибзиоу».

Адинар — 3,85 грамм иҟаз раӡны ԥаран. Уи мышкала идырҳауан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 3-тәи асааҭ азы».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 6-тәи асааҭ азы».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 9-тәи асааҭ азы».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 11-тәи асааҭ азы».

Ма «иԥсҭазаара».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ажәҩан акәу».

Адинар — 3,85 грамм иҟаз раӡны ԥаран. Уи мышкала идырҳауан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Аԥсы».

Ма «равви́».

Ма «Ԥхьагылаҩыс».

Ари ажәеинраала абиблиатә еиҭагақәак рҿы иҟоуп, аха зыгәра угартә иҟоу ажәытә бырзен манускриптқәа рҿы иҟаӡам. Шәахәаԥш Ацҵа А3.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «дыпрозелитны дҟашәҵарц азы».

Шәахәаԥш Ажәар.

Ма «ашьыхәи».

Шәахәаԥш Ажәар.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «паруси́а». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Христос ихынҳәра».

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ари адунеи аҵыхәтәантәи амшқәа».

Даниил иԥааимбаражәа иаԥхьо.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «паруси́а». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Христос ихынҳәра».

Мрагыларантәи, мраҭашәарантәи, аладантәи, аҩадантәи.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «паруси́а». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Христос ихынҳәра».

Аталант ҳәа изышьҭаз араӡны ԥара акәын. Абырзенцәа рхы иадырхәоз аталант 20,4 кьыла иҟан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Адами Евеи ахшара анроу инаркны.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иныҳәеит».

Ма «игәы ҳаҵҳаҵо иҟоуп».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ишьа».

Шәахәаԥш Ажәар.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 6-тәи асааҭ азы».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 9-тәи асааҭынӡа».

Ма «агубка».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аԥсра иҭанагаланы ицәаз».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ари адунеи аҵыхәтәантәи амшқәа».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра