Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • nwt Марк 1:1—16:8
  • Марк

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Марк
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Марк

МАРК ИҞЫНТӘ АЖӘАБЖЬ БЗИА

1 Анцәа Иԥа Иисус Христос изку ажәабжь бзиа алагамҭа. 2 Аԥааимбар Иса́иа ишәҟәаҿы иануп: «(Сара уара уаԥхьа ажәабжьҳәаҩ дсышьҭуеит, иара амҩа узааиртуеит). 3 Ацәҳәыраҿы аӡәы ибжьы ҭыганы иҳәоит: „Иегова* изы амҩа шәырхиа! Икаххаа иҟашәҵа!“». 4 Иоанн Аӡӡаахҩы ацәҳәыраҿы дыҟан. Иара ауаа рыгәнаҳақәа ишрыхьхәыз аадырԥшырц азы, насгьы урҭ ранажьхарц азы аӡы рыҽӡаархырц реиҳәон. 5 Иудеиа зегь аҟынтә ауаа, иара убас Иерусалим инхоз зегьы иара иахь инеиуан. Дара имӡаӡакәа, рыгәнаҳақәа аартны ирҳәон, Иоаннгьы урҭ Иордан аӡиас аҿы иӡааихуан*. 6 Иоанн амахҽ ахәы иалхыз аласа маҭәа ишәын, ацәа иалхыз амаҟа имӷан, асаранчеи абнацхеи ифон. 7 Иара иҳәон: «Сышьҭахь сара саасҭа еиҳау ааира даҿуп. Сара уи иеимаа аԥыртларагьы саԥсам. 8 Сара ӡыла ауп шәышӡаасхуаз, иара иԥшьоу адоуҳала шәӡааихлоит».

9 Урҭ амшқәа раан Иисус галилеиатәи ақалақь Назаретынтәи дааит. Иоанн уи Иордан аӡиас аҿы дӡааихит. 10 Иисус аӡы дшааҭыҵыз еиԥш ибеит ажәҩан шаатуаз, насгьы Анцәа идоуҳа аҳәыҳә аԥшра аманы иара иахь ишылбаауаз. 11 Ажәҩан аҟынтәгьы абас бжьык аагеит: «Уара бзиа избо, сыззыразу Сԥа уоуп».

12 Уи ашьҭахь иԥшьоу адоуҳа Иисус иаразнак ацәҳәырахь дагеит. 13 Уа иара 40 мшы ашәарах дрыланхон. Уаҟа Аҩсҭаа Иисус дԥишәон, аха амаалықьцәа имаҵ руан.

14 Иоанн абахҭа данҭарк ашьҭахь Иисус Галилеиаҟа дцеит. Анцәа иҟынтә ажәабжь бзиа ауаа ирылаҳәо, 15 иара абас иҳәон: «Аамҭа ааит, Анцәа Иаҳрагьы ааигәахеит. Шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәы, ажәабжь бзиа агәра жәга».

16 Галилеиатәи амшын аԥшаҳәа даваланы дышцоз, Си́мони Си́мон иашьа Андреии ибеит. Дара рыкаҭақәа амшын иаларыжьуан, избанзар иԥсыӡкыҩцәан. 17 Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Шәсышьҭаланы шәаала, аԥсыӡкышьа шыжәдыруа еиԥш, ауаа ркышьагьы шәсырҵоит». 18 Даргьы иаразнак рыкаҭақәа ааныжьны, ишьҭалеит. 19 Ԥыҭк данынаскьа, Зеведе́и иԥацәа Иакови Иоанни ибеит. Дара анышь иақәтәаны акаҭақәа еиқәдыршәон. 20 Иисус урҭ шибаҵәҟьаз еиԥш, шәсышьҭаланы шәаала ҳәа реиҳәеит. Даргьы раб Зеведе́и иусуцәеи иареи анышь ишақәтәаз иныжьны, Иисус ишьҭалеит. 21 Дара Капернау́мҟа ицеит.

Асабша анааи, Иисус асинагога дыҩналан, ауаа Анцәа иажәа дырҵара далагеит. 22 Ажәлар идирҵоз шыдирҵоз иаршанхон, избанзар иара Анцәа иҟынтә амчра зауз иеиԥш ауп ишыдирҵоз, азакәанрҵаҩцәа реиԥш акәымкәа. 23 Асинагогаҿы дыҟан адемон* дызхаԥаны иҟаз ауаҩы. Иара дыҳәҳәо ҿааиҭит: 24 «Назареттәи Иисус, иуҭахузеи ҳара ҳҟынтә? Ҳақәугарц азы аума узааз? Сара издыруеит узусҭоу — уара Анцәа иааишьҭыз иԥшьоу имаҵзуҩ уоуп!» 25 Аха Иисус уи диқәымчны ус иеиҳәеит: «Убжьы мыргакәа, абыржәыҵәҟьа уилҵ!» 26 Усҟан адемон* уи ауаҩ дԥаҭԥаҭуа дықәирхан, дхәаауа дилҵит. 27 Уи збаз зегьы даараӡа иџьаршьан, ус еибырҳәо иалагеит: «Изакәи ари? Иҿыцу ҵароума? Иара адемонцәа* рҿгьы амчра имоуп, даргьы ииҳәо ҟарҵоит!» 28 Убасала иӡбахә иаразнак Галилеиа зегь иахыҵәеит.

29 Асинагога иандәылҵ, Иисус Иакови, Иоанни, Си́мони, Андреии дрыцны, Си́мони Андреии рыҩныҟа дцеит. 30 Си́мон ианхәа амцашоура лыманы дышьҭан. Уи иаразнак Иисус иарҳәеит. 31 Иисус уи дахьышьҭаз дналыдгылан, лнапы кны диргылеит. Лымцашоурагьы иаразнак иаатәан, асасцәа рымаҵ аура далагеит.

32 Ахәылбыҽха, амра анҭашәа, ачымазцәеи адемонцәа зхаԥаны иҟаз ауааи изнаргеит, 33 аҩнашә аԥхьа ақалақь зегь еизеит. 34 Иара еиуеиԥшым ачымазарақәа змаз имаҷҩымкәа ауаа ихәышәтәит, адемонцәа зхицазгьы маҷҩымызт, аха адемонцәа иӡбахә аҳәара азин риҭомызт, избанзар дара Христос* шиакәыз рдыруан.

35 Ашьжьымҭан, ашара иалагаанӡа, иара дгылан, аӡәгьы дахьыҟамыз аҭыԥ ахь дцан, Анцәа иҳәара далагеит. 36 Си́мон ицқәази иареи зехьынџьара Иисус иԥшаара иалагеит. 37 Данырыԥшаа, ус иарҳәеит: «Зегь ушьҭоуп». 38 Аха иара урҭ ус реиҳәеит: «Шәааи ааигәа ишьҭоу ақыҭақәа рахь ҳцап, уагьы ажәабжь бзиа сҳәарц азы, уи азоуп сара сзааз». 39 Иисус Галилеиа зегь дахысны, асинагогақәа рҿы ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәон, адемонцәа зхаԥаны иҟаз ирхицон.

40 Ҽнак зны ацәеилабаара змаз хаҵак Иисус иҿаԥхьа дшьамхышгыланы, дӷьаҵәыӷьаҵәуа иҳәара далаган, ус иҳәеит: «Иуҭаххар, сухәышәтәыр улшоит». 41 Иисус уи ахаҵа даарыцҳаишьан, инапы неиҵыхны днаилакьысын, иҳәеит: «Исҭахуп! Убзиаха». 42 Ачымазаҩгьы иаразнак дыбзиахеит. 43 Аха ддәықәлаанӡа, Иисус уи инақәырӷәӷәаны ус иеиҳәеит: 44 «Ушысхәышәтәыз аӡәгьы иоумҳәан. Амала уцаны, аԥшьаҩы ухы ирба, Моисеи изакәан ишану еиԥш уахьыбзиахаз азгьы акәырбан наг, аԥшьаҩцәа ушыбзиахаз рбарц азы». 45 Аха ахаҵа Иисус дшааиԥырҵыз еиԥшҵәҟьа дцан, зегьы иҟалаз-шыҟалаз рзеиҭаҳәара далагеит. Уи иахҟьаны Иисус уаҳа аргама ақалақьқәа рахь дызнеиӡомызт, убри аҟынтә аӡәгьы дахьыҟамыз аҭыԥқәа рҿы даангылон. Аха уеизгьы иара иахь ажәлар ахьынтәимаауаз арбану.

2 Аха мышқәак рышьҭахь иара еиҭах Капернау́мҟа дхынҳәит. Аҩны дшыҟоу зегьы ианраҳа, 2 ауаа еизеит, ашә аԥхьаҵәҟьагьы шьапыргыларҭа уоуамызт. Иаргьы урҭ ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара далагеит. 3 Ус, ԥшьҩык ахацәа зхы иамыхәоз ачымазаҩ дрыманы иааит. 4 Аха ажәлар ирылсны Иисус иахь изымнеиӡеит азы, Иисус ихаҿыҵәҟьа ахыб еимыхны, ачымазаҩ дызныз асакаса лбаарышьҭит. 5 Иисус урҭ рхаҵара шыӷәӷәаз аниба, ачымазаҩ ус иеиҳәеит: «Сыҷкәын, угәнаҳақәа уанасыжьуеит». 6 Уа итәаз азакәанрҵаҩцәа шьоукы ус ихәыцуа иалагеит: 7 «Изакәызеи, уара, ари ииҳәо? Анцәа иҭыԥ ааникыларц дашьҭоуп. Анцәа ида ауаҩы игәнаҳақәа ианажьра зылшода?» 8 Аха Иисус урҭ зызхәыцуаз, еибырҳәоз иаразнак идырын, дразҵааит: «Ус шәызхәыцуеи? 9 Ачымазаҩ „угәнаҳақәа уанасыжьуеит“ ҳәа иаҳәара еиҳа имариаӡами, „угыл, усакаса уманы уца“ ҳәа иаҳәара аасҭа? 10 Аха ауаҩытәыҩса Иԥа адгьыл аҿы ауаа рыгәнаҳақәа ранажьра шилшо жәдыруазарц азы...» Нас иара ачымазаҩ ус иеиҳәеит: 11 «Угыл, усакаса аашьҭыхны аҩныҟа уца». 12 Иаргьы иаразнак дҩагылан, исакаса аашьҭыхны, зегьы ишырбоз ддәылҵны дцеит. Ажәлар ирбаз даараӡа иџьаршьеит, Анцәа ирҳаракрагьы иалагеит. Дара ирҳәеит: «Ари аҩыза ахаан иҳамбацызт».

13 Иисус еиҭа амшын аԥшаҳәахьы дцеит. Уагьы ажәлар анидеизала, Анцәа иажәа дырҵара далагеит. 14 Амҩан дышнеиуаз, ашәахтә усҳәарҭаҿы итәаз Алфе́и иԥа Ле́ви дибеит. Иисус уи ус иеиҳәеит: «Усышьҭаланы уаала». Иаргьы дҩагылан, дишьҭаланы дцеит. 15 Ԥыҭрак ашьҭахь Иисус Ле́ви иҩныҟа днеит. Уа иҵаҩцәеи иареи акрырфон*, урҭ акрырыцырфон имаҷҩымкәа ашәахтәеизгаҩцәеи агәнаҳаҟаҵаҩцәеи, избанзар урҭ рҟынтә Иисус ишьҭанеиуаз рацәан. 16 Афарисеицәа рҟынтә изакәанрҵаҩцәаз Иисус агәнаҳаҟаҵаҩцәеи ашәахтәеизгаҩцәеи акрышрыцифоз анырба, иҵаҩцәа ус рарҳәеит: «Ашәахтәеизгаҩцәеи агәнаҳаҟаҵаҩцәеи дрыдтәаланы акрышԥарыцифо?» 17 Иисус уи аниаҳа, ус реиҳәеит: «Згәы бзиоу ракәӡам аҳақьым дызҭаху, ичмазҩу роуп. Сара сзааз сиашоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо рзы акәӡам, агәнаҳаҟаҵаҩцәа рзоуп».

18 Иоанн иҵаҩцәеи афарисеицәеи ачгара ҵасс ирыман. Убри аҟынтә дара Иисус иахь инеины ус иазҵааит: «Иоанн иҵаҩцәеи афарисеицәа рҵаҩцәеи чгоит, уара уҵаҩцәа зымчгои?» 19 Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Зчара рураны иҟоу иҩызцәа данрыцу, урҭ чгалароума? Иҩызцәа дрыцнаҵы дара чгаӡом. 20 Аха иааиуеит аамҭа, зчара руа иҩызцәа данрымырхуа, убасҟан ауп дара ачгара ианалаго. 21 Иажәыз амаҭәа ақәыршә ҿыц ала иқәдыршәӡом, избанзар ақәыршә ҿыц уи еиҳагьы иԥнажәоит. 22 Аҩҿагьы иажәхьоу аҩҭра* иҭарҭәаӡом, избанзар уи аҩҭра еиҟәнажәоит, усҟан аҩгьы аҩҭрагьы ԥхасҭахоит. Аҩҿа аҩҭра ҿыц ауп изҭарҭәо».

23 Асабшаҽны Иисус амхқәа драҩсны данцоз, ицыз иҵаҩцәа ачарыц ҿыхны афара иалагеит. 24 Афарисеицәа уи анырба, Иисус ус иарҳәеит: «Уҵаҩцәа асабша зеиларгои?» 25 Иара иҳәеит: «Ахаан шәамыԥхьаӡаци Давид ицыз ауааи иареи ирфоз анрымамыз иҟаиҵаз атәы? 26 Аԥшьаҩ еиҳабы Авиафа́р изку аҭоурых ишаҳәо ала, Давид Анцәа иҩны дыҩналан, иԥшьоу ача* ифеит, ицыз ауаагьы ириҭеит. Азакәан инақәыршәаны, уи афара азин змаз аԥшьаҩцәа заҵәык ракәын». 27 Анаҩс иациҵеит: «Асабша заԥҵаз ауаҩы ихәарц азоуп, даргәаҟларц азы акәӡам. 28 Ауаҩытәыҩса Иԥа асабшагьы дақәиҭуп».

3 Асабшаҽны иара асинагогахь днеит. Уа знапы ҩаз хаҵак дыҟан. 2 Афарисеицәа Иисус ахара идырҵарц рҭахын азы, асабшаҽны уи ахаҵа дихәышәтәуоу-димхәышәтәуоу ҳәа ишьклаԥшуан. 3 Иисус знапы ҩаз ахаҵа ус иеиҳәеит: «Угыланы, ауада агәҭахьы уааи». 4 Анаҩс афарисеицәа дразҵааит: «Иҟаҵатәузеи асабшаҽны азакәан инақәыршәаны: абзиара акәу, ацәгьара акәу? Ауаҩы деиқәырхатәу, дышьтәу?» Аха дара ҿырҭӡомызт. 5 Иисус игәы инархьит урҭ убриаҟара ргәы ахьхаҳәыз. Анаҩс игәы ԥжәаны днарыхәаԥшын, ахаҵа ус иеиҳәеит: «Унапы уаах». Иаргьы инапы анааиҵих, иаразнак иаабзиахеит. 6 Афарисеицәа шаадәылҵыз еиԥш, И́род ишьҭанеицәеи дареи Иисус дшыршьыша иалацәажәо иалагеит.

7 Иисус иҵаҩцәеи иареи амшын ахь ицеит. Галилеиеи Иудеиеи рҿы инхоз ауаа рацәа Иисус ишьҭалеит. 8 Иерусалими, Идуме́иеи, Иордан нырцәи, Ти́ри, Сидони рҟынтәгьы ауаа рацәа ишьҭаланы инеит, избанзар иҟаиҵақәоз зегь раҳаит. 9 Ажәлар даараӡа ирацәан, убри азы иҵаҩцәа анышь хәыҷ дырмазеирц реиҳәеит, ауаа идыӷәӷәало иалагар, днеины дақәтәарц азы. 10 Иара иихәышәтәхьаз рацәаҩын азы, ӷәӷәала ичмазҩыз зегь идеизалон, илакьысырц азы. 11 Адемонцәа* зхаҵәҟьазгьы дырбацыԥхьаӡа иеихырхәаны ҿаарҭуан: «Уара Анцәа Иԥа уоуп!» 12 Аха иара инақәырӷәӷәаны иреиҳәон дызусҭоу аӡәгьы иарымҳәаларц.

13 Иисус ашьхарахь дхалеит. Иҵаҩцәа шьоукгьы шәаала ҳәа реиҳәеит, даргьы ишьҭаланы ицеит. 14 Уа иара 12-ҩык алихын, апостолцәа ҳәа рыхьӡиҵеит. Дара Иисус ицзар акәын. Ԥыҭрак ашьҭахь иара урҭ апостолцәа ауаа ажәабжь бзиа рыларҳәаларц азы ишьҭраны дыҟан. 15 Иара апостолцәа адемонцәа зхоу ирхырцаларц азгьы амчра риҭеит.

16 Абар уи иалихыз 12-ҩык: Пиотр ҳәа зыхьӡиҵаз Си́мон, 17 Зеведе́и иԥа Иакови уи иашьа Иоанни (Иисус урҭ рҩыџьагьы Воанерге́с ҳәагьы рыхьӡиҵеит, иаанагоит «адыдмацәыс аԥацәа»), 18 Андреи, Филипп, Варфоломе́и, Матфеи, Фома, Алфе́и иԥа Иаков, Фадде́и, Си́мон Канани́т*, 19 иара убас ԥыҭрак ашьҭахь Иисус дызҭииз Иуда Искарио́т.

Иисус аҩны дыҩналеит. 20 Аха еиҭах ауаа рацәа еизеит азы, иҵаҩцәеи иареи акрыфахагьы рмоуит. 21 Иҭынхацәа ауаа шидеизало анраҳа, ари деилаԥсеит рҳәан, дрылганы дыргарц азы иааит. 22 Иерусалимынтәи иааз азакәанрҵаҩцәагьы ирҳәон: «Ари Веельзеву́л* дихоуп, ауаа адемонцәа злархицогьы адемонцәа раҳ имчала ауп». 23 Иисус урҭ даарыԥхьан, аҿырԥштәқәа рзаагара далагеит: «Аҩсҭаа Аҩсҭаа дызлаԥхеиҵои? 24 Аҳҭынраҿы инхо ауаа дара-дара еибашьлар, аҳҭынра еилаҳауеит, 25 ҩнык еицыҩноу еибашьлар, уи аҩнгьы еилаҳауеит. 26 Аҩсҭаагьы ихы даҿагылозар, ихы дабашьуазар, уи дзеиқәхаӡом, иҵыхәтәа ааигәоуп. 27 Ахаҵа ӷәӷәа иҩны аӡәгьы изырҳәӡом, уи дҿеимҳәакәа. Данҿеиҳәалак ашьҭахь ауп дирҳәыр анилшо. 28 Аиаша шәасҳәоит, ауаа иҟарҵалакгьы, ирҳәалакгьы, зегь ранажьхоит. 29 Иԥшьоу адоуҳа иакәым азызҳәо иакәзар, игәнаҳа ахаангьы ианажьхаӡом, иара уи агәнаҳа наӡаӡа даҵазаауеит». 30 Иара ус зиҳәаз адемон* дихоуп ҳәа ахьизырҳәоз азоуп.

31 Иисус иани иашьцәеи ааины адәаҿы игылан. Ишизыԥшу иарҳәарц азы дара ауаҩы днарышьҭит. 32 Иисус ауаа икәшаны итәан, убри аамҭазы аӡәы ус иҳәеит: «Адәахьы уани уашьцәеи узыԥшуп». 33 Аха иара иҳәеит: «Дызусҭада сан? Изусҭцәада сашьцәа?» 34 Анаҩс икәшаны итәаз днарылаԥшын, ус иҳәеит: «Абар сан дахьыҟоу, абар сашьцәа ахьыҟоу! 35 Анцәа ииҭаху ҟазҵо иоуп иагьсашьоу, иагьсаҳәшьоу, иагьсану».

4 Иисус еиҭах амшын аԥшаҳәаҿы ауаа Анцәа иажәа дырҵара далагеит. Идеизалаз даараӡа ирацәаҩхеит, убри аҟынтә анышь днақәтәан, маҷк днаскьеит, ауаа аҟәараҿы иаанхеит. 2 Иисус аҿырԥштәқәа ааганы ажәлар идирҵоз рацәан. Иара ус иҳәеит: 3 «Шәӡырҩы: нхаҩык амхы алаҵара дцеит. 4 Ажәла аниҟьоз, жәлақәак амҩахь икаԥсеит, нас аҵарақәа ааин, урҭ ажәлақәа рфеит. 5 Егьырҭ рацәак анышә ахьыҟамыз ахаҳәраҿы икаԥсеит азы, иаразнак ирызҳаит. 6 Аха амра анрықәыԥха, иканӡан, иҩеит, избанзар адацқәа рмышьҭӡацызт. 7 Егьырҭ амаӷра илаԥсеит. Амаӷра ангыла, иааз ажәла ахәаҽит, аҽаҩрагьы зыҟамлаӡеит. 8 Жәлақәак адгьыл бзиаҿы икаԥсеит. Ажәла анаа, иазҳан, аҽаҩра аанагеит. Иларҵаз аасҭа 30-нтә, 60-нтә, 100-нтә еиҳаны аҽаҩра аанагеит». 9 Анаҩс иҳәеит: «Алымҳақәа змоу илымҳақәа кыдҵаны дӡырҩлааит».

10 Иисус ихала данаанха, 12-ҩык апостолцәеи егьырҭ аҵаҩцәеи еиҭеиҳәаз аҿырԥштәқәа ирызҵаауа иалагеит. 11 Иара урҭ ус реиҳәеит: «Шәара Анцәа Иаҳра амаӡа ԥшьа шәзаартуп, егьырҭ рзы ираҳаз шҿырԥшыз иаанхоит. 12 Ус изыҟоу, дара иҟасҵо ишахәаԥшуагьы, ирымбарц азоуп, исҳәо ишазыӡырҩуагьы, аҵакы рзеилымкаарц азоуп. Дара ахаан Анцәа иахь ихынҳәӡом, рыгәнаҳақәагьы ранажьхаӡом». 13 Нас ус реиҳәеит: «Ари аҿырԥштәы шәзеилымкаауазар, егьырҭ аҿырԥштәқәа злеилышәкаауеи?

14 Лаҵара ицаз анхаҩы ажәа леиҵоит. 15 Амҩаҿы икаԥсаз ажәла — ауаа ргәаҿы илаҵаз ажәа ауп. Урҭ ажәа шаараҳалакҵәҟьа, Аҩсҭаа днеины, илаҵаз иманы дцоит. 16 Ажәла ахаҳәраҿы иахькаԥсаз иаанаго ауаа ажәа шраҳаз ауп. Дара уи игәырӷьаҵәа ирыдыркылоит, 17 аха ргәаҵанӡа инеиӡом. Аамҭак аҩныҵҟа ахаҵара шаадырԥшуагьы, уи ажәа иахҟьаны ауадаҩрақәа ма ашьҭашәарыцарақәа ианрықәшәалак, рхаҵара рцәыӡуеит. 18 Ажәла амаӷра иахьылаԥсаз иаанагоит ауаҩы ажәа шиаҳаз, 19 аха иахьатәи аԥсҭазаара* иацу аусқәеи, узжьо амали, еиуеиԥшым агәаҳәарақәеи уи ажәа рхәаҽуеит, аҽаҩра заанамгогьы иҟарҵоит. 20 Ажәла адгьыл бзиаҿы иахькаԥсаз иаанагоит ауаҩы ажәа шиаҳаз, гәыкалагьы ишидикылаз. Уи илаҵаз аасҭа 30-нтә, 60-нтә, 100-нтә еиҳаны аҽаҩра ааигоит».

21 Иара убас Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Акәаҷаб заарго ихырҩарц, ма акаруаҭ аҵаҟа идыргыларц азы аума? Хыхь иқәдыргыларц азы акәӡами? 22 Иҵәаху зегь цәыргахоит, имаӡоугьы маатыр залшом. 23 Алымҳақәа змоу илымҳақәа кыдҵаны дӡырҩлааит».

24 Нас Иисус ус реиҳәеит: «Ишәаҳауа зҿлымҳарала шәазыӡырҩла. Шаҟа ибзианы шәӡырҩуа аҟара, убриаҟара аилкаара шәоуеит, иагьшәзацлоит. 25 Измоу еиҳагьы иоуеит, измам имоугьы имырхуеит».

26 Иисус иациҵеит: «Анцәа Иаҳра ауаҩы ажәла адгьыл ахь ианкеиԥсо иаҩызоуп. 27 Иара уахынла дыцәоуп, ҽынла дгылоит, уи аамҭазы ажәла аауеит, иагьазҳауеит, аха уи ҟалашьас иамоу издырӡом. 28 Адгьыл ахала аҽаҩра аанагоит, уи хәыҷы-хәыҷла ауп ишыҟало. Зны ахәҵәы ылнахуеит, нас ахҳәаҵә, аҵыхәтәаны арыц ҿалоит. 29 Ишшәра ианшәлак, ауаҩы амагана шьҭихуеит, избанзар аҭагалара иаамҭоуп».

30 Анаҩс Иисус иҳәоит: «Изыҿҳарԥшыр ҳалшозеи Анцәа Иаҳра? Иарбан ҿырԥшу иҳацхраауа? 31 Уи ажәла сса* иаҩызоуп. Уи ажәла аныларҵо, адгьыл аҿы иҟоу ажәлақәа зегь раасҭа иссоуп, 32 аха ианазҳалак иҵла духоит, убри аҟынтә аҵарақәа ааны, амахәқәа рҿы рыҭрақәа ҟарҵоит».

33 Абас еиԥш иҟаз аҿырԥштәқәа ааганы, Иисус ажәлар Анцәа иажәа рзеиҭеиҳәон, шаҟа рзеилкаауаз аҟара ауп ирзеиҭеиҳәоз. 34 Аҿырԥштәқәа аамгаӡакәа иара ауаа драцәажәаӡомызт. Аха иҵаҩцәа ииҳәоз иаанагоз хазы ирзеиҭеиҳәон.

35 Ахәылбыҽха Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Шәааи нырцәҟа ҳаиасып». 36 Ажәлар аноурышьҭ ашьҭахь Иисуси дареи анышь иақәтәеит. Егьырҭ ауаагьы рнышьқәа ирықәтәаны урҭ ирышьҭалеит. 37 Иаалырҟьаны аԥша цәгьа шьҭыҵит. Ацәқәырԥақәа халан, анышь иасуа иалагеит, анышь ӡааҟәрыларцгьы акгьы агымхеит. 38 Иара анышь аԥынҵаҿы ихы ахчы иқәҵаны дыцәан. Иҵаҩцәа даадырԥшын, ус иарҳәеит: «Арҵаҩы, аӡы ҳшаго умбаӡои?» 39 Иаргьы дҩагылан, аԥша ааиқәиртәеит, амшын ахьгьы ихы рханы абас иҳәеит: «Уаангыл! Уҽеиқәк!» Аԥшагьы иаразнак асра иаҟәыҵын, иааҭынчрахеит. 40 «Шәзыршәеи абриаҟара? — ҳәа дразҵааит иара. — Уажәыгьы ахаҵара шәымаӡами?» 41 Аха дара шәаҟьаны абас еибырҳәон: «Дызусҭада, уара, ари?! Аԥшагьы амшынгьы ииҳәо ҟарҵоит!»

5 Уи ашьҭахь Иисус иҵаҩцәеи иареи анышь иақәтәаны, нырцәтәи аган аҿы ишьҭаз герасаа рҳаблахь инеит. 2 Анышь дшаақәҵыз еиԥшҵәҟьа, анышәынҭрақәа рҟынтә адемон* дызхаԥаны иҟаз хаҵак диԥылеит. 3 Иара анышәынҭрақәа рҟны акәын дахьынхоз. Уи аӡәгьы дизҿаҳәомызт, зынџьырлаҵәҟьагьы* дырзынкыломызт. 4 Акырынтә зынџьырла дҿарҳәахьан, аха иԥиҵәҵәон, днызкылоз ҳәагьы уаҩ дыҟамызт. 5 Дааҟәымҵӡакәа уахгьы-ҽынгьы дхәаауа ахәқәа дрықәын, адамрақәа дрылан, хаҳәлагьы ихы ипҟон. 6 Уи ахаҵа харантәи Иисус даниба, дыҩны днеин, диеихырхәеит. 7 Нас ибжьы ҭыганы абас иҳәеит: «Иуҭахузеи сара сҟынтә, Хыхь иҟоу Анцәа Ду Иԥа, Иисус? Анцәа иҿаԥхьа ажәа сыҭ сшумыргәаҟуа». 8 Иара ус иҳәеит, избанзар Иисус уи ус иеиҳәон: «Адемон*, уилҵ ари ауаҩ». 9 «Иухьӡуи?» — ҳәа диазҵааит Иисус уи. — «Легион сыхьӡуп, избанзар ҳрацәаҩуп», — иҳәеит егьи. 10 Иара Иисус диҳәон адемонцәа уи аҭыԥ аҟынтә иԥхеимҵарц.

11 Уа, ахәаҿы, гәарҭак аҳәақәа ықәын. 12 Адемонцәа Иисус ус иҳәо иалагеит: «Абанҭ аҳәақәа ҳархаларц азин ҳаҭ!» 13 Иаргьы азин риҭеит. Адемонцәагьы* уи ауаҩ ихыҵын, аҳәақәа ирхалеит. Усҟан аҳәақәа зегьы аҿҟьарсҭа аҟынтә иԥан, амшын рҽаларыжьын, аӡы иагеит. Рхыԥхьаӡара 2 000 раҟара ыҟан. 14 Аҳәақәа ирхылаԥшуаз еибарыҩны ицан, ақалақьи уи ааигәа иҟаз аҭыԥқәеи рҿы ирбаз еиҭарҳәеит. Уи заҳаз ауаагьы иҟалаз ҳбап ҳәа уахь рҿынархеит. 15 Иисус иахь ианнеи ирбеит, уаанӡа легионк адемонцәа зхаԥаны иҟаз ахаҵа ихы аҭыԥ аҿы ишааиз, иҽеилаҳәаны дыштәаз. Уи анырба, даараӡа ишәеит. 16 Иара убас иҟалаз збаз урҭ ирзеиҭарҳәеит адемонцәа зхаԥаны иҟаз ахаҵеи аҳәақәеи ирыхьыз. 17 Усҟан ажәлар Иисус рҳабла далҵны дцарц и́ҳәеит.

18 Иисус анышь данақәтәоз, уаанӡа адемонцәа зхаԥаны иҟаз ахаҵа уахьцо сга ҳәа иҳәара далагеит. 19 Аха Иисус уи димгаӡеит. Иара иҳәеит: «Уҩныҟа уцаны, уҭынхацәа Иегова* иузыҟаиҵаз зегь рзеиҭаҳәа, ирзеиҭаҳәа ушрыцҳаишьаз». 20 Иаргьы дцан, Иисус изыҟаиҵаз зегьы Жәақалақьраҿы* аиҭаҳәара далагеит. Ауаагьы ираҳауаз џьаршьон.

21 Иисус анышь дақәтәаны еиҭа нырцәҟа дырит. Амшын аҿы дыҟанаҵы ажәлар еизахьан. 22 Уахь днеит Иаи́р зыхьӡыз асинагога аиҳабацәа руаӡәк. Уи Иисус даниба, иҿаԥхьа дшьамхышгылан, 23 иҳәара далагеит: «Сыԥҳа хәыҷы аԥсра даҿуп, суҳәоит, унапқәа лықәҵа, дыбзиахарц, дымԥсырц азы». 24 Иаргьы уи ахаҵа диццеит. Ажәларгьы Иисус идыӷәӷәало, ишьҭаланы ицеит.

25 Уа дыҟан 12 шықәса ишьабоз аԥҳәыс. 26 Лара имаҷҩымкәа аҳақьымцәа дырхәышәтәуан, даараӡа дгәаҟуан, илымаз зегь нылххьан, аха деиӷьхомызт, еиҳагьы деицәахон. 27 Уи аԥҳәыс Иисус иӡбахә лаҳахьан, убри аҟынтә ажәлар лыҽрыларӡны ишьҭахьҟала днеин, имаҭәа акалҭ далакьысит. 28 Лара гәаныла илҳәон: «Имаҭәа заҵәык сакьысыргьы сыбзиахоит». 29 Убри аминуҭ азгьы ашьа аангылеит. Усҟан лара еилылкааит лчымазара бааԥс шлыхгаз.

30 Иисус иаразнак игәеиҭеит амч шилҵыз. Убри аҟынтә ишьҭахьҟа дынхьаҳәын: «Сымаҭәа иалакьысда?» — ҳәа дҵааит. 31 Иҵаҩцәа ирҳәеит: «Иумбаӡои шаҟаҩы укәшаны, иудыӷәӷәала игылоу? „Исылакьысда“ ҳәа узҵаауеи?» 32 Аха иара днаԥшы-ааԥшуан, илакьысыз дибарц азы. 33 Аԥҳәыс дшыбзиахаз еилылкаан, дшәаԥырҳаԥуа, дҵыс-ҵысуа иҿаԥхьа дшьамхышгылан, иҟалаз шыҟалаз изеиҭалҳәеит. 34 Иара ус леиҳәеит: «Сыӡӷаб, бхаҵара бахәышәтәит, бгәы рҭынчны бца. Уи ачымазара бааԥс уаҳа баргәаҟлаӡом».

35 Иисус дцәажәонаҵы, асинагога аиҳабы иҩнынтәи ауаа аан, ус рҳәеит: «Уԥҳа дыԥсит. Шьҭа Арҵаҩы иргәаҟра заҭахузеи?» 36 Иисус ари аниаҳа, Иаи́р ус иеиҳәеит: «Умшәан, ахаҵара аарԥшы». 37 Иисус Пиотри, Иакови, Иаков иашьа Иоанни рыда, уаҳа аӡә диццар имуӡеит.

38 Асинагога аиҳабы иҩны ианнеи, зегьы еилауаҭыруа ишгылаз рбеит. Ауаа амыткәма ҳәо, аҵәыуара иаҿын. 39 Иисус аҩны даныҩнала, ус иҳәеит: «Шәзеилаҭыруеи? Шәызҵәыуои? Ахәыҷы дымԥсӡеит, дыцәоуп». 40 Уи заҳаз ихыччара иалагеит. Зегь дәылҵырц реиҳәан, аӡӷаб лани, лаби, иҵаҩцәеи иманы, аӡӷаб дахьышьҭаз дыҩналеит. 41 Уа иара лнапы ааникылан, ус иҳәеит: «Талифа́ ку́ми». Иаанагоит: «Сыӡӷаб, бара боуп изасҳәо, бгыл!» 42 Аӡӷабгьы ахьышәҭҳәа дҩагылан, аныҟәара далагеит. Лара 12 шықәса лхыҵуан. Ари збаз зегьы даараӡа игәырӷьеит. 43 Аха Иисус ижәбаз аӡәгьы иашәымҳәан ҳәа зныкымкәа* иреиҳәеит. Нас аӡӷаб акрылҿашәҵа иҳәеит.

6 Уантәи Иисус иахьизҳаз аҭыԥқәа рахь дцеит, иҵаҩцәагьы ишьҭаланы ицеит. 2 Асабшаҽны иара асинагогаҿы ауаа Анцәа иажәа дырҵара далагеит. Изыӡырҩуаз рҟынтә иџьашьаны абас зҳәоз рацәаҩын: «Иабантәидыруеи абри зегьы? Изҭада абри аҩыза аҟәыӷара? Аџьашьахәқәа рыҟаҵара илшартә еиԥш амч изҭада? 3 Дуасҭаӡами? Мариа лԥа иакәӡами? Иашьцәа Иакови, Иосифи, Иудеи, Си́мони ракәӡами? Иаҳәшьцәагьы иҳаланхо ракәӡами?» Дара Иисус игәра рымгаӡеит. 4 Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Аԥааимбар зехьынџьара ҳаҭыр иқәырҵоит, дахьааӡаз ақалақьи, иҭынхацәеи, иҩнаҭеи рыда». 5 Уа иара шьоукы инапқәа рықәҵаны ихәышәтәит ада, даҽа џьашьахәык ҟаимҵаӡеит. 6 Урҭ ахаҵара ахьрымамыз Иисус даараӡа иџьеишьеит. Нас ааигәа-сигәа ишьҭаз ақыҭақәа рахь дцан, ауаа Анцәа иажәа дырҵара далагеит.

7 Иисус 12-ҩык иҵаҩцәа даарыԥхьан, ҩыџьа-ҩыџьала рышьҭра далагеит, ауаа адемонцәа* рхырцаларц азгьы амч риҭеит. 8 Амҩа ианықәло, алабашьа ада акгьы шьҭырымхырц реиҳәеит, чоума, амҩаныфа зҭарҵо макәанума, ԥароума* — акгьы шьҭырымхырц, 9 ирышьоу аимааи иршәу амаҭәеи ада уаҳа акгьы рымгарц. 10 Нас иҳәеит: «Шәахьрыдыркыло аҩны зеиԥшразаалакгьы, уи аҭыԥ аҟынтә шәцаанӡа уа шәыҟаз. 11 Џьара шәрыдрымкылар, ишәҳәо азыӡырҩрагьы рҭахымхар, уантәи шәанцо, шәшьапқәа ршәшәаны, асаба рықәышәх*, убасала ргәышырҽанышәҵаз дшәырбоит». 12 Апостолцәагьы дәықәлан, ауаа шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәы ҳәа раҳәо, ажәабжь бзиа рылаҳәара иалагеит. 13 Дара ауаа имаҷымкәа адемонцәа рылырцеит, имаҷҩымкәа ачымазцәа ахәша рыхьшьны ирхәышәтәит.

14 Уи атәы аҳ Ирод* иаҳаит, избанзар Иисус иӡбахә зехьынџьара инеит. Ауаа ирҳәон: «Ари зыԥсы ҭалаз Иоанн Аӡӡаахҩы иоуп, убри азоуп абарҭ рҩызцәа аџьашьахәқәа рыҟаҵара зилшо». 15 Егьырҭ — «ари Илиа иоуп» рҳәон, даҽа шьоукы — «ари ажәытәан иҟаз аԥааимбарцәа иреиԥшу аӡә иоуп» рҳәон. 16 Ирод ари аниаҳа, ус иҳәеит: «Зхы хысҵәаз Иоанн иԥсы ҭалеит». 17 Ирод Иродиа́да ԥҳәысс диман. Лара уаанӡа иашьа Филипп иԥҳәыс лакәын. Уи илыхҟьаны Ирод ауаа шьҭны, Иоанн зынџьырла* дҿаҳәаны, абахҭа дҭеикхьан, 18 избанзар Иоанн Ирод ус иеиҳәон: «Уашьа иԥҳәыс ԥҳәысс лгара азин умаӡам». 19 Иродиа́да Иоанн игәаӷ лыман, дылшьырцгьы лҭахын, аха длызшьӡомызт, 20 избанзар Ирод Иоанн дицәшәон. Иара идыруан Иоанн дышуаҩ иашаз, дышуаҩы ԥшьаз, убри азы ак изырур иуӡомызт. Ирод Иоанн изыӡырҩра бзиа ибон, ииҳәоз иҟаиҵара изымдыруа дшықәнархозгьы.

21 Ирод имшира аназгәеиҭоз, Иродиа́да лыгәҭакы анагӡаразы алшара лоуит. Уи аҽны Ирод ачынуааи, аруаа реиҳабацәеи, Галилеиа иҟаз егьырҭ ауаа дуқәеи акрыфара-акрыжәра азы еизигеит. 22 Иродиа́да лыԥҳа Ирод иҿаԥхьеи асасцәа рҿаԥхьеи дкәашон. Дара лыкәашашьа даараӡа иргәаԥхеит, убри азы аҳ аӡӷаб ус леиҳәеит: «Бгәы иааҭаху ҳәа. Ибҭаху зегь бысҭоит». 23 Иара дқәит: «Иаабҭаху ҳәа, акгьы сеигӡом, саҳра абжа баҳәаргьы». 24 Лара лан лахь дцан: «Исҳәари, сзызиҳәари?» — ҳәа длазҵааит. Лан ус лҳәеит: «Иоанн Аӡӡаахҩы ихы баҳәа». 25 Ларгьы ашырҳәа аҳ иахь дцан, абас иалҳәеит: «Сара исҭахуп абыржәыҵәҟьа Иоанн Аӡӡаахҩы ихы асаан ианҵаны исзааугарц». 26 Аҳ иаҳаз даараӡа игәы инархьит, аха асасцәа рҿаԥхьа дықәхьан азы, мап лцәикыр иҭахымхеит, 27 убри аҟынтә иаразнак ахьчаҩ Иоанн ихы хҵәаны изааигарц дишьҭит. Ахьчаҩ абахҭахь дцан, Иоанн ихы хҵәаны, 28 асаан ианҵаны иааигеит. Нас аӡӷаб илиҭеит, аӡӷаб лан илылҭеит. 29 Иоанн иҵаҩцәа ари анраҳа, иаан, аԥсы дганы адамра дҭарҵеит.

30 Апостолцәа Иисус иахь ианыхынҳә, иҟарҵоз, насгьы ауаа иддырҵоз зегь изеиҭарҳәеит. 31 Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Шәааи уаҩ дахьыҟам аҭыԥ ахь ҳцап, маҷк шәыԥсы шәшьарц азы». Ицоз-иаауаз рацәаҩын азоуп ус зиҳәаз, акрыфахаҵәҟьагьы рымамызт. 32 Нас анышь иақәтәан, аӡәгьы дахьыҟам аҭыԥ ахь рҿынархеит. 33 Аха ауаа ирбеит урҭ аӡы ишхылаз, уи заҳазгьы рацәаҩхеит, убри аҟынтә ақалақьқәа зегь рҟынтә ауаа ыҩуа уахь ицеит, Иисуси апостолцәеи уахь инеиаанӡагьы дара уахь инеихьан. 34 Иисус анышь данақәҵ, ауаа рацәа ибеит, иагьрыцҳаишьеит, избанзар ахьча дызмамыз ауасақәа иреиԥшын. Иара урҭ акыр дырҵара далагеит.

35 Ахәлара ианалага, иҵаҩцәа наидгылан, ус иарҳәеит: «Ари аҭыԥ аҿы уаҩ дынхом, аамҭагьы акыр инеихьеит. 36 Ажәлар наҟ ишьҭы, ааигәа ишьҭоу ақыҭақәа рахь ицаны, ирфаша аархәарц азы». 37 Иара иҳәеит: «Ирфаша шәара ирышәҭ». Дара ус иарҳәеит: «Ҳцаны, 200 динар* рыхә ача аахәаны, жәларык ауаа ираҳҭарц аума иуҭаху?» 38 Иара ус реиҳәеит: «Шәцаны, шаҟа ча шәымоу гәашәҭ». Иангәарҭа, ус рҳәеит: «Хә-чаки ҩ-ԥсыӡки ыҟоуп». 39 Усҟан иара ажәлар гәыԥ-гәыԥла рҽеиҩшаны, ашьац илатәарц реиҳәеит. 40 Ажәларгьы 100-100-ҩылеи 50-50-ҩылеи рҽеиҩыршан, инатәеит. 41 Иисус хә-чаки ҩ-ԥсыӡки аашьҭихын, ажәҩан днаҵаԥшны Анцәа диҳәеит*, нас ача ааԥиҽын, иҵаҩцәа рыҭара далагеит, ауаа ирзыршарц азы. Убасҵәҟьа ҩ-ԥсыӡкгьы зегьы ирзишеит. 42 Зегьы рызхара рфеит. 43 Иаанхаз ача анеизырга, 12 каҵкәыр ҟалеит, аԥсыӡ аламҵаӡакәа. 44 Ача зфаз 5 000-ҩык ахацәа ыҟан.

45 Уи ашьҭахь аамҭа мгакәа, Иисус иҵаҩцәа анышь иақәтәаны, нырцәҟа, Вифсаи́да аганахь, ицарц реиҳәеит. Иара ихаҭа ажәлар наскьеигарц даангылеит. 46 Ианынаскьеига ашьҭахь, Анцәа диҳәарц ашьхарахь дхалеит. 47 Ахәлара ианалага анышь амшын агәахьы инеихьан, Иисус иакәзар, ихала уа дахьыҟаз дыҟан. 48 Ашара иалагаанӡа*, Иисус ибеит аԥша цәгьа ахьышьҭыҵыз иахҟьаны иҵаҩцәа анышь ажәҩақәа аарлаҳәа ишрыҵыршьуаз, убри азы аӡы дықәгыланы иҵаҩцәа рахь иҿынеихеит, аха драҩсны дцарц иҭахызшәа акәын дышцоз. 49 Иисус иҵаҩцәа аӡы иқәгыланы иаауаз ауаҩы игага анырба: «Лаԥшҵашәароума?! Иаауа закәызеи?!» — рҳәан, еибарҳәҳәеит, 50 избанзар данырба, ишәеит. Аха иара иаразнак ирықәҿиҭын, ус иҳәеит: «Шәымшәан! Сара соуп». 51 Иисус аҵаҩцәа зықәтәаз анышь дақәтәеит, данақәтәа, аԥшагьы ааиқәтәеит. Аҵаҩцәа шанханы иҟан, 52 избанзар џьашьахәыла ача иазиуз ҵакыс иамаз рзеилымкааӡеит, рыхшыҩ макьана иаркын.

53 Геннисаре́ттәи аԥшаҳәаҿы ианнеи, аԥырсал ларышьҭын, иӡхыҵит. 54 Аха анышь ишаақәҵыз еиԥшҵәҟьа ауаа Иисус дырдырит. 55 Дара ыҩуа урҭ аҭыԥқәа ирылсын, ачымазцәа асакаса ианҵаны, Иисус иахь иаарго иалагеит. 56 Қалақьума, қыҭоума, Иисус дахьнеилакгьы, ауаа рчымазцәа аџьармыкьахь инаргон, дара иҳәон ма имаҭәа акалҭ иалаиркьысырц, иалакьысуазгьы зегь бзиахон.

7 Иерусалимынтәи иааз афарисеицәеи азакәанрҵаҩцәа шьоуки Иисус идеизалеит. 2 Дара ирбеит аҵаҩцәа шьоукы рнапқәа шыҟьашьыз*, даҽакала иуҳәозар, рнапқәа мыӡәӡәаӡакәа акрышырфоз. 3 (Афарисеицәа, ауриацәа зегь реиԥш, рабацәа рҵасқәа ныҟәго, рмышьхәылҵ аҟынӡа рнапқәа мыӡәӡәакәа акрырфаӡом. 4 Аџьармыкьа аҟынтә ианааиуагьы, ӡык рықәырҭәаанӡа акрырфаӡом. Ирацәоуп урҭ зықәныҟәо егьырҭ аҵасқәагьы, иаҳҳәап, дара аҵәцақәеи, аԥҳалқәеи, абҩа иалху егьырҭ ачысмаҭәақәеи аӡы иӡааршьуеит*.) 5 Усҟан афарисеицәеи азакәанрҵаҩцәеи Иисус иазҵааит: «Уҵаҩцәа ҳабацәеи ҳабдуцәеи рҵасқәа зеиларгои? Рнапқәа шыҟьашьу акрызырфои?» 6 Иара ус реиҳәеит: «Ҩ-цәак зхарԥоу шәара, аԥааимбар Иса́иа ибзиаҵәҟьаны ишәзиҳәеит абарҭ ажәақәа: „Арҭ ауаа анцәажәо, ҳаҭыр сықәырҵоит, аха рыгәқәа сара исцәыхароуп. 7 Баша исымҵахырхәоит, избанзар дара ажәлар иддырҵо ауаа ирхәыцыз аҵасқәа роуп“. 8 Ауаа ирхәыцыз аҵасқәа ак агмыжькәа инашәыгӡоит, арахь Анцәа иԥҟарақәа шәрықәныҟәаӡом».

9 Анаҩс ус реиҳәеит: «Шәҵасқәа раҳаҭыразы Анцәа иԥҟарақәа рхыԥашьа ибзианы ишәҵеит. 10 Моисеи иҳәеит: „Уани уаби ҳаҭыр рықәҵала“, иара убас „Зани заби зшәиуа дышьтәуп“. 11 Аха шәара ишәҳәоит: „Аӡәы иан ма иаб ‚исымоу кәырбануп (даҽакала иуҳәозар, Анцәа изку ҳамҭоуп), сызшәыцхрааӡом‘ ҳәа реиҳәар, уи акгьы амам“. 12 Убасала шәара ауаҩы иан лзы ма иаб изы ак аҟаҵара алшара ишәҭаӡом. 13 Шәхаҭа ишәхәыцыз аҵасқәа раҳаҭыразы Анцәа иажәа шәаӷрагылоит. Убри еиԥш иҟашәҵо иҵегь ирацәоуп». 14 Иара еиҭа ажәлар ааиԥхьан, ус реиҳәеит: «Шәаасзыӡырҩы, ишәасҳәогьы шәазхәыц. 15 Ауаҩы дызҟьашьуа иҿы иҭало акәӡам, иҿы иҭыҵуа ауп». 16 ——*

17 Ажәлар дрылҵны аҩны даныҩнала, иҵаҩцәа иааигаз аҿырԥштәы иаанагоз иазҵаауа иалагеит. 18 Иара ус реиҳәеит: «Шәаргьы ишәзеилымкааӡои? Ишәзымдырӡои ауаҩы иҿы иҭало дшамҟьашьуа? 19 Ауаҩы иҿы иҭало игәахьы акәӡам иахьцо, имгәахь ауп, нас уантәи иҭыҵуеит». Убасала афатә зегь шыцқьоу деилиркааит. 20 Нас ус иҳәеит: «Ауаҩы дызҟьашьуа иҿы иҭыҵуа ауп. 21 Ауаҩы игәы аҟынтә ауп иахьаауа иҽеим аусқәа изырҟаҵо ахәыцра цәгьақәа: асексуалтә ламысдара*, аӷьычра, ауаҩшьра, 22 ахатә ҩыза иԥсахра, аԥсыцәгьара, аус цәгьақәа, амцҳәара, ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа*, ашьыцра, Анцәеи ауааи иакәым рызҳәара, ахышьҭыхра, ахшыҩдара. 23 Абарҭ аус цәгьақәа зегьы ауаҩы игәы аҟынтә иаауеит, дагьырҟьашьуеит».

24 Уантәи Иисус Ти́ри Сидони рганахь дцеит. Уа иара ҩнык дыҩналеит, избанзар уи аҭыԥ аҿы дшыҟоу аӡәы иаҳар иҭахӡамызт, аха уеизгьы ираҳаит. 25 Иӡбахә иаразнак ԥҳәыск илаҳаит. Лыԥҳа хәыҷы адемон* дылхаԥаны дыҟан. Уи аԥҳәыс дааин, Иисус иҿаԥхьа дшьамхышгылеит. 26 Лара дбырзенын, Сириа иаҵанакуаз Финики́а дынхон*. Аԥҳәыс Иисус иҳәара далагеит лыԥҳа адемон дылхицарц. 27 Аха Иисус ус леиҳәеит: «Раԥхьа ахәыҷқәа рызхара рфароуп. Ача ахәыҷқәа ирымхны, аласбақәа ируҭар иашаӡам». 28 Аха лара илҳәеит: «Уиашоуп, ухаҵкы, аха астол иҵоу аласбақәагьы ахәыҷқәа ирыцәкаԥсо ахәашақәа рымфои». 29 Усҟан Иисус ус леиҳәеит: «Бца, убас ахьыбҳәаз азы быԥҳа адемон длылҵит». 30 Аҩны даннеи, илбеит лыԥҳа аиарҭаҿы дшышьҭаз, адемонгьы дшылхыҵыз.

31 Иисус тиртәи аҭыԥқәа рҟынтә даныхынҳәуаз, Сидони Жәақалақьреи* дрылсны, Галилеиатәи амшын ахь днеит. 32 Уа идагәаз, цқьа изымцәажәоз хаҵак дизнарган, инапқәа иқәиҵарц иҳәара иалагеит. 33 Иисус уи ахаҵа ажәлар дрылганы днаскьеиган, инацәкьарақәа илымҳақәа ирҭеикын, дкажьцәеит, нас ибз далакьысит. 34 Уи ашьҭахь ажәҩан днаҵаԥшын, игәаҵанӡа даақәыԥсычҳан, «Еффафа́» иҳәеит, иаанагоит «Уааты». 35 Ахаҵагьы илымҳақәа ираҳауа иҟалеит, ицқьаны ацәажәарагьы далагеит. 36 Иисус ауаа иреиҳәеит иҟаиҵаз аӡәгьы иарымҳәарц. Аха аӡәгьы иашәымҳәан ҳәа шаҟа иреиҳәоз аҟара, дара еиҳагьы ауаа ирыларҵон. 37 Ирбоз даараӡа иџьаршьон, иагьырҳәон: «Иҟаиҵо зегь бзианы иҟаиҵоит. Иара идагәоугьы ираҳауа иҟаиҵоит, изымцәажәогьы ацәажәара иалаиргоит».

8 Урҭ амшқәа рзы еиҭа жәларык ауаа еизеит. Дара ирфаша рымамызт, убри азы Иисус иҵаҩцәа даарыԥхьан, ус реиҳәеит: 2 «Арҭ ауаа рыцҳахеит, избанзар хымш ҵуеит исыцуижьҭеи, арахь ирфо ҳәа акгьы рымаӡам. 3 Амла ишакуа рыҩныҟақәа рахь исышьҭыр, амҩан рымчқәа каԥсар алшоит, избанзар ихараны инхақәо ыҟоуп». 4 Аха иҵаҩцәа ус иарҳәеит: «Иабааҳго уаҩ дахьнымхо ари аҭыԥ аҿы арсҟаҩык ауаа ирҿаҳҵаша ача?» 5 Иисус дразҵааит: «Шаҟа ча шәымои?» — «Быжь-чак», — рҳәеит дара. 6 Иара ажәлар ашьац илатәарц реиҳәеит. Нас быжь-чак аашьҭихын, Анцәа иҭабуп ҳәа иеиҳәан, иааԥыҽҽны иҵаҩцәа ириҭеит, ажәлар ирзыршарц азы. Иҵаҩцәагьы ача ажәлар ирзыршеит. 7 Дара ԥсыӡ хәыҷқәакгьы рыман. Иисус Анцәа диҳәан*, аԥсыӡгьы ауаа ирзыршарц реиҳәеит. 8 Зегьы рызхара рфеит. Ирзымфаз анеизырга, быжь-каҵкәыр дук рызна ҟалеит. 9 Уа 4 000-ҩык ахацәа ыҟан. Нас Иисус ажәлар рыҩныҟақәа рахь иоуишьҭит.

10 Уи ашьҭахь аамҭа мгакәа, Иисус иҵаҩцәеи иареи анышь инақәтәан, Далману́фа аганахь ицеит. 11 Уа Иисус иахь афарисеицәа неин, ажәа имаркуа иалагеит. Дԥыршәарц рҭахын азы, ажәҩан аҟынтә адырга ҳарба ҳәа дыркит. 12 Иисус игәаҵанӡа даақәыԥсычҳан, ус реиҳәеит: «Избан ари абиԥара адырга изашьҭоу? Аиаша шәасҳәоит: ари абиԥара дыргакгьы рбараны иҟам». 13 Убас нараҳәаны, Иисус урҭ дырԥырҵын, еиҭа анышь днақәтәан, нырцәҟа ихы ирхеит.

14 Аха аҵаҩцәа ача агара рхашҭит. Анышь аҿы иҟаз ча заҵәык ада, уаҳа ирфаша ҳәа акгьы ыҟамызт. 15 Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Шәгәышәҽаныз, афарисеицәа рымажәарҵәыгеи Ирод имажәарҵәыгеи шәҽацәышәыхьчала». 16 Усҟан дара ача ахьырымгаз азы ажәа еимаркуа иалагеит. 17 Иисус уи ангәеиҭа, ус реиҳәеит: «Ача ахьшәымам азы ажәа зеимашәкуеи? Абыржәыгьы ишәзеилымкааӡаци? Шәыхшыҩ уажәыгьы иаркума? 18 „Алақәа шшәымоугьы ижәбаӡом, алымҳақәа шшәымоугьы, ишәаҳаӡом“. Ишәгәаламшәаӡои 19 хә-чак рыла 5 000-ҩык ахацәа акранырҿасҵа ашьҭахь иаанхаз ача анеизыжәга, шаҟа каҵкәыр ҟалаз?» — «Жәаҩа», — рҳәеит дара. 20 «Быжь-чак рыла 4 000-ҩык ахацәа акранырҿасҵа ашьҭахь иаанхаз ача анеизыжәга, шаҟа каҵкәыр ду ҟалеи?» — «Быжьба», — рҳәеит дара. 21 Усҟан иара ус реиҳәеит: «Нас абыржәыгьы ишәзеилымкааӡои?»

22 Иисус иҵаҩцәеи иареи Вифсаи́даҟа инеит. Уа Иисус илашәыз хаҵак дизнарган, дихәышәтәырц иҳәара иалагеит. 23 Иисус уи ахаҵа инапы кны ақыҭа далигеит. Нас илақәа дырхыжьцәалан, инапқәа наиқәиҵан: «Акыр убома?» — ҳәа диазҵааит. 24 Ахаҵа днаԥшы-ааԥшын, ус иҳәеит: «Иныҟәо ауаа збоит, аха урҭ аҵлақәа иреиԥшуп». 25 Усҟан Иисус инапқәа еиҭа уи ауаҩ илақәа ирықәиҵеит. Ахаҵа илақәа аатын, зегь еилыкка ибо далагеит. 26 Иисус уи ауаҩ «ақыҭахь ухнымҳәын» ҳәа иаҳәаны, иҩныҟа дишьҭит.

27 Иисус иҵаҩцәеи иареи Филипп и-Кеса́риа иатәыз ақыҭақәа рахь ицеит. Амҩан иҵаҩцәа ус дразҵааит: «Сызусҭоу ҳәа ирҳәои ауаа?» 28 Дара ус иарҳәеит: «Шьоукы Иоанн Аӡӡаахҩы уоуп рҳәоит, егьырҭ — Илиа, даҽа шьоукы аԥааимбарцәа руаӡәк уоуп рҳәоит». 29 Усҟан иара ус дразҵааит: «Шәара шәгәы ишԥаанаго, сызусҭада сара?» Пиотр иҳәеит: «Уара Христос уоуп». 30 Иисус урҭ иӡбахә аӡәгьы иарымҳәарц инақәырӷәӷәаны иреиҳәеит. 31 Уи ашьҭахь иара иҵаҩцәа иреиҳәо далагеит ауаҩытәыҩса Иԥа имаҷымкәа агәаҟрақәа ихигараны дшыҟоу, ажәлар реиҳабацәеи, аԥшьаҩ еиҳабацәеи, азакәанрҵаҩцәеи мап шицәыркуа, дшыршьуа, аха хымш рышьҭахь иԥсы шҭало. 32 Иисус уи ҟалараны ишыҟаз аартны иреиҳәон. Усҟан Пиотр Иисус днаскьеиган, иқәыӡбара далагеит. 33 Иисус наҟ днаҳәын, иҵаҩцәа днарыхәаԥшын, Пиотр диқәымчны ус иеиҳәеит: «Усԥырҵ наҟ*, Аҩсҭаа! Уара Анцәа ихәыцшьа акәӡам иумоу, ауаа рхәыцшьа ауп».

34 Нас Иисус ажәлари иҵаҩцәеи даарыԥхьан, ус реиҳәеит: «Исышьҭаланы ацара зҭаху ихы мап ацәикааит, ишьаҟа* шьҭыхны, дсышьҭаланы даалааит. 35 Зыԥсы* еиқәзырхарц иашьҭоу — иԥсҭазаара ицәыӡуеит, зыԥсҭазаара сара исыхҭнызҵо, иара убас ажәабжь бзиа иахҭнызҵо — иԥсы* еиқәирхоит. 36 Ауаҩы адунеи зегь ирҳаргьы, иабаихәо, иԥсҭазаара ицәыӡуазар? 37 Иахишәаар илшои ауаҩы иԥсҭазаара? 38 Анцәа даанзыжьыз, агәнаҳа иаҵоу ари абиԥара аҿаԥхьа ӡәыр сыԥхеишьозар, сажәагьы ԥхеишьозар, ауаҩытәыҩса Иԥагьы уи дыԥхеишьоит. Иара уи дыԥхеишьоит Иаб ихьӡ-иԥшеи иԥшьоу амаалықьцәеи иманы данаауа».

9 Иисус иҳәеит: «Аиаша шәасҳәоит: абра игылоу рҟынтә шьоукы ԥсӡом, Анцәа Иаҳра аҳра аура ишалагаз рбаанӡа». 2 Фымш рышьҭахь Иисус Пиотри, Иакови, Иоанни иманы, ашьха ҳарак дхалеит. Дара рыда уаҳа аӡәгьы димгаӡеит. Иара урҭ рҿаԥхьа иԥшра иԥсахит. 3 Имаҭәа убла хнакуа иҟәашкакараӡа иҟалеит, адгьыл аҿы аӡәгьы ишизыҟамҵо еиԥш ипашәӡа. 4 Ус, Илиеи Моисеии аацәырҵын, Иисус иацәажәара иалагеит. 5 Усҟан Пиотр Иисус ус иеиҳәеит: «Арҵаҩы*, ишԥабзиоу ара! Уааи х-қьалак ҳаргылап, акы — уара узы, акы — Моисеи изы, акы — Илиа изы». 6 Аиашазы, Пиотр ииҳәара издыруамызт, избанзар дара шәаны иҟан. 7 Ус, ԥҭак аацәырҵын, ирхаԥеит. Уи аԥҭа аҟынтә абас бжьык аагеит: «Ари бзиа избо Сԥа иоуп. Иара шәизыӡырҩла». 8 Ианынаԥш-ааԥш, Иисус ида аӡәгьы дрымбаӡеит.

9 Ашьха аҟынтә ианылбаауаз, иара инақәырӷәӷәаны иреиҳәеит ауаҩытәыҩса Иԥа иԥсы ҭалаанӡа, ирбаз аӡәымзар-аӡәгьы изеиҭарымҳәарц. 10 Даргьы ииҳәаз ҟарҵеит*, аха иԥсы ҭалоит ҳәа ииҳәаз иаанагои ҳәа еизҵаауан. 11 Дара Иисус ус иазҵааит: «Азакәанрҵаҩцәа раԥхьа Илиа даароуп ҳәа зырҳәои?» 12 Иисус иҳәеит: «Илиа ииашаҵәҟьаны даауеит, насгьы зегь ирмазеиуеит. Аха Аҩыраҿы ауаҩытәыҩса Иԥа имаҷымкәа агәаҟрақәа ихигараны дыҟоуп, ипатугьы ладырҟәлоит ҳәа зануи? 13 Сара ишәасҳәоит: Илиа даахьеит, ирҭахызгьы изыруит, Аҩыраҿы иара изкны ишаныз еиԥш».

14 Егьырҭ аҵаҩцәа рахь ианыхынҳә, ирбеит ажәлар рыдеизаланы ишгылаз, азакәанрҵаҩцәагьы урҭ ажәа шрымаркуаз. 15 Ажәлар Иисус данырба, иџьаршьан, аԥсшәа иарҳәарц иаразнак еибарыҩны инеит. 16 «Еимашәкуа закәи?» — ҳәа дразҵааит иара. 17 Руаӡәк ус иҳәеит: «Арҵаҩы, сыҷкәын дузаазгеит, избанзар адемон диргәаҟуеит, дирцәажәаӡом. 18 Данихаԥалак, адгьыл дықәижьуеит, нас иара ашәаҟьа иҿачы дықәхоит, ихаԥыцқәа аҿҿа рыҵиргоит, имчгьы илӡаауеит. Уҵаҩцәа срыҳәеит дихырцарц, аха ирылымшаӡеит». 19 Иисус иҳәеит: «Ахаҵара змам абиԥара! Шаҟа аамҭа сшәыцзар акәзеи еиҭа? Шаҟа аамҭа шәсычҳалозеи? Дысзаажәг арахь». 20 Аҷкәын Иисус дизааргеит. Аха адемон Иисус даниба, аҷкәын дԥаҭԥаҭуа дықәирхеит. Нас дкаҳаит, ашәаҟьа иҿачы, дҵәии-ҵәиуа адгьыл дықәжьын. 21 Иисус аҷкәын иаб ус диазҵааит: «Шаҟа ҵуеи ас дыҟоижьҭеи?» Иара иҳәеит: «Дхәыҷаахыс ус дыҟоуп. 22 Адемон уи зны амца дақәижьуеит, зны аӡы далаижьуеит, дишьырц азы. Акыр улшозар, ҳрыцҳашьа, уҳацхраа». 23 Иисус иҳәеит: «„Акыр улшозар“ уҳәама? Ахаҵара змоу изы ҟалашьа змам ҳәа акгьы ыҟаӡам». 24 Ахәыҷы иабгьы иаразнак ҿааиҭит: «Ихасҵоит! Суҳәоит, схаҵара арӷәӷәара усыцхраа!»

25 Иисус ажәлар еибарыҩны дара рахь ишнеиуаз аниба, адемон* диқәымчны ус иеиҳәеит: «Ахәыҷы дызмырцәажәо, дзырдагәо адемон, иуасҳәоит: абыржәыҵәҟьа уилҵ, уаҳагьы уиламлан!» 26 Адемон дхәаан, ахәыҷы ӷәӷәала дырԥаҭԥаҭуа дилҵит. Аҷкәын аԥсы иеиԥш дкажьын, убри аҟынтә игылаз реиҳараҩык ус рҳәеит: «Ари дыԥсит!». 27 Аха Иисус уи инапы кны диргылеит. 28 Иисус аҩны даныҩнала, аӡәгьы ианимаҳауаз иҵаҩцәа иазҵааит: «Ҳара изҳалымшеи уи аҟаҵара?» 29 Иара иҳәеит: «Ас еиԥш иҟоу адемонцәа Анцәа ацхырааразы уимыҳәакәа иузрылцаӡом».

30 Дара уантәи иқәҵын, Галилеиа ала ицеит. Аха уи аӡәы иаҳар иҭахӡамызт, 31 избанзар иҵаҩцәа разыҟаҵара даҿын. Иара урҭ ус реиҳәон: «Ауаҩытәыҩса Иԥа дырҭиуеит, насгьы иаӷацәа дрырҭоит. Дара уи дыршьуеит, аха хымш рышьҭахь иԥсы ҭалоит». 32 Аха ииҳәаз иаанагоз рзеилымкааӡеит, арахь иазҵаара ишәон.

33 Дара Капернау́м инеит. Аҩны аҩныҵҟа Иисус ус дразҵааит: «Еимашәкуази амҩан?» 34 Аха дара ҿырҭӡомызт, избанзар амҩан еимаркуаз рыуа еиҳау дызусҭоу акәын. 35 Усҟан Иисус днатәан, 12-ҩык ааиԥхьан, ус реиҳәеит: «Шәыбжьара аҭыԥ ду иашьҭоу зегьы дреиҵахароуп, насгьы зегьы дырмаҵуҩхароуп». 36 Нас ахәыҷы дааиган, рыгәҭа днаргыланы инапқәа наикәиршан, иҵаҩцәа ус реиҳәеит: 37 «Саҳаҭыразы* абри ахәыҷы иеиԥшу ауаа здызкыло саргьы сидикылоит. Сара сыздызкыло сымацара сакәӡам идикыло, саазышьҭызгьы дидикылоит».

38 Иоанн Иисус ус иеиҳәеит: «Арҵаҩы, ҳара даҳбеит ухьӡала ауаа адемонцәа рхызцо ауаҩы, даҟәыҵырцгьы иаҳҳәеит, избанзар иара ҳара дҳацӡам». 39 Аха Иисус иҳәеит: «Шәиԥырхагамхан, избанзар сыхьӡала аџьашьахәы ҟазҵо иаразнак дааҳәны, ацәгьа сызҳәара далагаӡом. 40 Иаҳҿамгыло — дҳадгылоуп. 41 Христос шәахьитәу азы ҵәыцак аӡы шәзыржәуа, аиаша шәасҳәоит, иҳамҭа ицәыӡраны дыҟаӡам. 42 Ахәыҷқәа иреиԥшу аӡәы ихаҵара зырԥсыҽуа ауаҩы алу ду ихәда ихшьны, амшын даларыжьыр еиҳа еиӷьуп.

43 Унапы агәнаҳа унарҟаҵозар, наҟ ихҵәа! Узнапык шумам аԥсҭазаара уоур еиҳа еиӷьуп, уҩнапыкгьы шумоу гее́ннаҟа* — ахаан имыцәо амцахь — уцар аасҭа. 44 ——* 45 Ушьапы агәнаҳа унарҟаҵозар, наҟ ихҵәа. Узшьапык шумам аԥсҭазаара уоур еиҳа еиӷьуп, уҩшьапыкгьы шумоу гее́нна уаларыжьыр аасҭа. 46 ——* 47 Ула агәнаҳа унарҟаҵозар, наҟ иҭых. Узлак шумам Анцәа Иаҳрахь унеир еиҳа еиӷьуп, рыҩбагьы шумоу гее́нна уаларыжьыр аасҭа. 48 Уа ахәаҷақәа ԥсӡом, амцагьы ыцәаӡом.

49 Дарбанызаалак мцала дҵаатәуп. 50 Аџьыкахыш, ҳәарада, ибзиоуп. Аха аџьыкахыш аҵаара ацәыӡыр, еиҭах иҵааны излаҟауҵои? Аџьыкахыш шәаҩызаз, шәыбжьарагьы аҭынчра шәыхьчала».

10 Иисус уантәи дықәҵын, Иордан анхыҵ Иудеиа аҳәааҿы ишьҭаз аҭыԥқәа рахь дцеит. Уагьы ажәлар идеизалан, абжьааԥны ишыҟаиҵалоз еиԥш, Анцәа иажәа дырҵара далагеит. 2 Афарисеицәа Иисус инаидгылан, дԥыршәарц азы ахаҵа иԥҳәыс длылҵыр ҟалоу-иҟамлоу ҳәа иазҵааит. 3 Иара ус дразҵааит: «Моисеи ишԥашәеиҳәеи?» 4 «Моисеи иҳәеит ахаҵа иԥҳәыс дышлылҵуа ала аршаҳаҭга-шәҟәы лыҭаны длылҵыр ҟалоит ҳәа», — рҳәеит дара. 5 Иисус ус реиҳәеит: «Шәгәы ахьхаҳәхаз азоуп Моисеи уи аҩыза аԥҟара зшәиҭаз. 6 Аха Анцәа раԥхьа ауаа аниша, „ахаҵеи аԥҳәыси ишеит“. 7 „Убри аҟынтә ахаҵа иани иаби аанижьуеит, 8 усҟан ҩыџьа аӡәыкны* иҟалоит“. Уажәшьҭа урҭ аӡә роуп, ҩыџьа ракәӡам. 9 Убри аҟынтә Анцәа еидикылаз* ауаҩы еидимхроуп». 10 Аҩны аҩныҵҟа Иисус иҵаҩцәа убри иазҵаауа иалагеит. 11 Иара ус реиҳәеит: «Зыԥҳәыс илылҵны даҽаӡәы ԥҳәысс дызго зыԥҳәыс дзыԥсахуа иеиԥш ахара идлоит. 12 Аԥҳәысгьы лхаҵа дилҵны даҽаӡәы диццозар, зхаҵа дзыԥсахуа леиԥш ахара лыдлоит».

13 Ауаа рхәыҷқәа Иисус изнарго иалагеит, инапқәа рықәҵаны иныҳәарц азы. Аха иҵаҩцәа урҭ нарышьҭыр рҭахӡамызт. 14 Иисус уи аниба, игәы ԥжәан, ус иҳәеит: «Иааиааит ахәыҷқәа сара сахь, шәырԥырхагамхан, избанзар дара иреиԥшу роуп Анцәа Иаҳра зтәу. 15 Аиаша шәасҳәоит: Анцәа Иаҳра ахәыҷ иеиԥш издызымкыло уи ибараны дыҟам». 16 Нас ахәыҷқәа ааигәыдиҳәҳәалан, инапқәа рықәҵаны рныҳәара далагеит.

17 Иисус амҩан дышцоз, ҷкәынак дыҩуа днаихьӡан, дшьамхышгыланы ус диазҵааит: «Арҵаҩ бзиа, иҟасҵар акәзеи наӡаӡатәи аԥсҭазаара соурц азы?» 18 Иисус иҳәеит: «Арҵаҩ бзиа ҳәа сара изысзуҳәои? Анцәа ида ибзиоу ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. 19 Анцәа иԥҟарақәа умдыруеи: „Ауаҩы думшьын, ухатә ҩыза думԥсахын, умӷьычын, аӡәы иҟам-ианым изумҳәан, амц умҳәан, уани уаби ҳаҭыр рықәҵала“». 20 Иара иҳәеит: «Арҵаҩы, уи зегь схәыҷаахыс инасыгӡоит». 21 Иисус аҷкәын данихәаԥш, игәы изыблын, ус иҳәеит: «Ак ауп иугу: уцаны иааумоу зегь ҭины, аԥара аӷарцәа ирыҭ. Усҟан ажәҩан аҿы амал урҳауеит. Нас ухынҳәны, усышьҭаланы уаала». 22 Аха иара иаҳаз даараӡа игәы канажьын, илахь еиқәышьшьы дцеит, избанзар амал ду иман.

23 Иисус игылаз илаԥш нархиган, иҵаҩцәа ус реиҳәеит: «Шаҟа ирцәыцәгьахозеи амал змоу ауаа Анцәа Иаҳрахь анеира!» 24 Аха аҵаҩцәа ииҳәаз даараӡа иџьаршьеит. Усҟан Иисус иҳәеит: «Ахәыҷқәа, шаҟа ицәгьоузеи Анцәа Иаҳрахь анеира! 25 Амахҽ агәыр аҵа изкылсуазар, ауаҩ беиагьы Анцәа Иаҳрахь днеиуеит». 26 Ари анраҳа, еиҳагьы иџьашьаны ус иазҵааит: «Нас, еиқәхода?» 27 Иисус урҭ днарҿаԥшын, ус иҳәеит: «Ауаа уи ҟалашьа амам ҳәа рыԥхьаӡоит, аха Анцәа ус иԥхьаӡаӡом. Анцәа илымшо ҳәа акгьы ыҟаӡам». 28 Усҟан Пиотр ус иҳәеит: «Ҳара иҳамаз зегь ааныжьны ҳушьҭалеит». 29 Иисус иҳәеит: «Аиаша шәасҳәоит, сара саҳаҭыразы, насгьы ажәабжь бзиа аҳаҭыразы зыҩны, ма зашьцәа, ма заҳәшьцәа, ма зан, ма заб, ма зхәыҷқәа, ма зымхқәа аанзыжьыз 30 уажәнатә шәынтә еиҳаны аҩнқәеи, аишьцәеи, аиҳәшьцәеи, анацәеи, ахәыҷқәеи, амхқәеи иоуеит, ашьҭашәарыцарақәа дышрықәшәогьы. Ҳаԥхьаҟа* акәзар, наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоуеит. 31 Аха аԥхьа игылоу ԥыҭҩык шьҭахьҟа ицоит, ашьҭахь игылоу ԥхьаҟа иаауеит».

32 Иисус иҵаҩцәеи иареи Иерусалимҟа узго амҩа ианыланы ицон. Иара раԥхьа дгыланы днеиуан, ишанханы иҟаз иҵаҩцәа ишьҭаланы ицон. Урҭ ирыцны инеиуаз шәаны иҟан. Иара 12-ҩык еиҭа аганахь инаскьеиган, дзықәшәараны дыҟаз рзеиҭаҳәара далагеит: 33 «Уажәы Иерусалимҟа ҳцоит. Уа ауаҩытәыҩса Иԥа аԥшьаҩ еиҳабацәеи азакәанрҵаҩцәеи дрырҭоит. Дара уи дыршьырц рыӡбоит, насгьы егьырҭ ажәларқәа дрырҭоит. 34 Урҭ ихыччалоит, иҿажьцәалоит, ҟамчыла дрыпҟоит, дагьыршьуеит. Аха хымш рышьҭахь иԥсы ҭалоит».

35 Зеведе́и иԥацәа, Иакови Иоанни, наидгылан, ус иарҳәеит: «Арҵаҩы, аказы ҳуҳәар ҳҭахуп. Иаҳзыҟаҵа». 36 Иара дразҵааит: «Ишәзыҟасҵарц ишәҭахузеи?» 37 Дара ирҳәеит: «Ҳуҳәоит, Уаҳраҿы ҳуаӡәк уарӷьарахь дыртәа, егьи — уармарахь». 38 Аха Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Шәара сарӷьарахьи сармарахьи шәтәарц шәҭахуп. Аха уи ус имариам. Шәара уи шәзеилкааӡом. Сара изжәуа аҵәца шәзыжәуама? Шәазхиоума исхызгараны иҟоу аӡӡаахра ала аҽӡаахра?» 39 «Ааи», — рҳәеит дара. Усҟан Иисус иҳәеит: «Сыҵәца жәжәлоит, сыҽзлаӡаасхуа аӡӡаахра алагьы шәыҽӡаашәхуеит. 40 Аха сарӷьарахьи сармарахьи итәо зыӡбо сара сакәӡам. Урҭ аҭыԥқәа зтәу Саб ззы ирхиаз роуп».

41 Жәаҩык аҵаҩцәа уи анраҳа, Иакови Иоанни ргәы рзыԥжәеит. 42 Аха Иисус урҭ ааиԥхьан, ус реиҳәеит: «Шәара ижәдыруеит ажәларқәа рнапхгаҩцәа ауаа ԥшәымаҵас ишырхагылоу, ауаа дуқәагьы ажәлар ишрықәиҭу. 43 Аха шәара шәыбжьара ус иҟамзароуп. Шәыбжьара амчра ду иашьҭоу дышәмаҵуҩхароуп, 44 аҭыԥ ду иашьҭоу — шәымаҵ иулароуп. 45 Ауаҩытәыҩса Иԥагьы имаҵ руларц азы акәӡам дзааз, иара дааит егьырҭ рымаҵ иурц, насгьы ирацәаҩны ауаа иԥсы* рыхҭынҵаны иҿихырц».

46 Уи ашьҭахь дара Иерихо́н инеит. Иҵаҩцәеи, иареи, ицыз жәларык ауааи Иерихо́н ианалҵуаз, амҩаду аҿы Вартиме́и зыхьӡыз илашәыз хаҵак ауаа инапы рымҵакны дтәан. Уи Тиме́и иԥа иакәын. 47 Назареттәи Иисус диасны дышцоз аниаҳа, ибжьы рдуны ҿааиҭит: «Давид иԥа, Иисус, срыцҳашьа!» 48 Убжьы умырган ҳәа иазҳәоз рацәаҩын, аха иара еиҳагьы ибжьы рдуны ҿиҭуан: «Давид иԥа, суҳәоит, срыцҳашьа!» 49 Усҟан Иисус даангылан, «арахь дысзаажәг» иҳәеит. Даргьы алашә ус иарҳәеит: «Умшәан! Угыл, Иисус уааи иҳәеит». 50 Алашә ихарԥаз хыхьтәи имаҭәа нкажьны дҩагылан, Иисус иахь деихеит. 51 Иисус иҳәеит: «Иузыҟасҵарц иуҭахузеи?» Алашә ус иҳәеит: «Арҵаҩы*, сылақәа ирбо иҟаҵа». 52 Иисус ус иеиҳәеит: «Уца, ухаҵара уахәышәтәит». Иаргьы иаразнак ибо дҟалан, Иисус дишьҭаланы дцеит.

11 Иисус иҵаҩцәеи иареи Иерусалими, Амаслинаҵлақәа рышьхаҿы ишьҭоу Виффа́гиеи, Вифа́ниеи ианырзааигәаха, ҩыџьа иҵаҩцәа ишьҭын, 2 ус реиҳәеит: «Шәаԥхьа ишьҭоу ақыҭахь шәца. Шәышнеилак еиԥш, уаҩ дызқәымтәац аҽадҳәыс кыдҿаҳәаланы ижәбоит, убри арахь исзаажәга. 3 Аӡәы „изыԥшәыртлои?“ — ҳәа дшәазҵаар, „Иҳақәиҭу иҭахуп, аха акыраамҭа иникылаӡом, ирласны иргьежьуеит“ шәҳәа». 4 Аҵаҩцәагьы цан, агәарабжьараҿы аҩны аԥхьа икыдҿаҳәалаз аҽадҳәыс рбеит, дара уи ԥдыртлеит. 5 Аха уа игылаз шьоукы аҵаҩцәа ус рарҳәеит: «Иҟашәҵо закәи? Изыԥшәыртлои?» 6 Аҵаҩцәа урҭ Иисус иреиҳәаз анрарҳәа, иоурышьҭит.

7 Дара аҽадҳәыс Иисус иахь ирыманы иаан, хыхьтәи рымаҭәа ақәдыршәит, Иисусгьы уи дақәтәеит. 8 Имаҷҩымкәа ауаа хыхьтәи рымаҭәа ршәыхны, амҩаҿы икадыршәуан, егьырҭ — амҩан игылаз аҵла амахәқәа каҿаны ишьҭарҵон. 9 Иаԥхьагьы ишьҭахьгьы инеиуаз ажәлар рыбжьы ҭыганы ирҳәон: «Ҳуҳәоит, деиқәырха! Дныҳәоуп Иегова* ихьӡала иаауа! 10 Иныҳәоуп ааира иаҿу ҳаб Давид Иаҳра! Ажәҩан аҿы иҟоу, ҳуҳәоит, деиқәырха!» 11 Иисус Иерусалим далалеит. Нас аныҳәарҭахь днеин, зегь илаԥш нахигеит, аха ахәлара иалагон азы, 12-ҩык иҵаҩцәа иманы Вифа́ниаҟа дцеит.

12 Адырҩаҽны Вифа́ниа ианалҵуаз, Иисус амла дакит. 13 Харантәи абыӷьқәа зҿаз алаҳа аниба, акыр ҿазар збап иҳәан, уахь днеит. Данадгыла, абыӷьқәа рыда акгьы шҿамыз ибеит, избанзар алаҳа аҟалара макьана иаамҭамызт. 14 Усҟан ус иҳәеит: «Уаҳа ахаан ушәыр уаҩы имфааит». Иҵаҩцәагьы уи раҳауан.

15 Дара Иерусалим инеит. Иисус аныҳәарҭа дыҩналан, ак зҭиуази ак аазхәози дәылицеит. Аԥара зыԥсахуаз рыстолқәеи аҳәыҳәқәа зҭиуаз рысқамқәеи ааирҳәит, 16 гатәқәак змазгьы аныҳәарҭа аҩныҵҟала агара азин риҭомызт. 17 Иара ауаа аҵара дырҵо, абас реиҳәон: «Аҩыраҿы ианӡами „сыҩны ажәларқәа зегьы Анцәа иахьиҳәо ҩнуп ҳәа азырҳәалоит“ ҳәа? Шәара уи арҳәцәа рыҩны акәны иҟашәҵеит». 18 Аԥшьаҩ еиҳабацәеи азакәанрҵаҩцәеи уи анраҳа, Иисус дшыршьыша иазхәыцуа иалагеит. Дара Иисус ицәшәон, избанзар ажәлар идирҵоз иаршанхон.

19 Ахәылбыҽха Иисус иҵаҩцәа иманы ақалақь далҵит. 20 Шьыжьымҭан шаанӡа алаҳа иаҩсны ианцоз, уи ахы инаркны ашьапаҟынӡа ишҩаз рбеит. 21 Пиотр мышкы аԥхьа иҟалаз игәалашәан, Иисус ус иеиҳәеит: «Арҵаҩы*, уԥшы, иушәиз алаҳа ҩеит». 22 Иисус иҳәеит: «Анцәа игәра жәгала. 23 Аиаша шәасҳәоит: аӡәы абри ашьхахь ихы рханы, „абрантәи уеиҭаҵны, амшын уҽалажь“ ҳәа иҳәар, насгьы уи ҟалару-иҟамлару ҳәа дымлакҩакӡакәа, ишыҟалаҵәҟьо агәра ганы иҳәар, ус иагьыҟалоит. 24 Убри азоуп изшәасҳәо: Анцәа шәзызиҳәозаалакгьы, уи шшәоуа агәра жәгала, усҟан иагьшәоуеит. 25 Шәгыланы Анцәа шәаниҳәо, шәгәы нзырхаз рыгәнаҳақәа ранашәыжьла, жәҩантәи Шәаб шәыгәнаҳақәа шәанаижьларц азы». 26 ——*

27 Дара еиҭа Иерусалимҟа иааит. Иисус аныҳәарҭа даныҩназ, аԥшьаҩ еиҳабацәеи, азакәанрҵаҩцәеи, ажәлар реиҳабацәеи наидгылан, 28 ус иазҵааит: «Убас ҟаҵатәуп ҳәа уазҳәада? Иузҭада азин?» 29 Иисус ус реиҳәеит: «Саргьы зҵаарак шәысҭоит. Аҭак сышәҭ, усҟан саргьы азин сызҭаз дызусҭоу шәасҳәоит. 30 Иоанн ауаа ӡааихларц азин изҭада — Анцәа иакәу*, ауаа ракәу? Аҭак сышәҭ». 31 Дара ус еибырҳәо иалагеит: «„Анцәа иоуп“ ҳҳәар, „нас, игәра зышәымгеи?“ ҳәа дҳазҵаауеит. 32 „Ауаа роуп“ ҳәагьы ҳазҳәаӡом». Дара ажәлар ирыцәшәон, избанзар зегьы Иоанн дԥааимбарын ҳәа рыԥхьаӡон. 33 Убри аҟынтә иҳаздырӡом ҳәа иарҳәеит. Иисус ус иҳәеит: «Ус акәзар, саргьы азин сызҭаз дызусҭоу шәасҳәаӡом».

12 Нас Иисус ауаа аҿырԥштәқәа рзааиго далагеит. Иара иҳәеит: «Хаҵак аӡахәа еиҭеиҳаит, ихикааит, ажь ахәаразы аҭыԥ ҭижааит, абаашгьы иргылеит. Нас уи аӡахәаҭра қьырала аӡахәааӡаҩцәа ириҭан, даҽа тәылак ахь дцеит. 2 Ажь аҭаара аамҭа анааи, иара ихәҭаа игарц азы аӡахәааӡаҩцәа рахь имаҵуҩы дишьҭит. 3 Аха аӡахәааӡаҩцәа уи дрыпҟан, акгьы имҭаӡакәа доурышьҭит. 4 Усҟан иара даҽа маҵуҩык дишьҭит, аха дара уи ихы ҭаԥырҽын, ахьымӡӷ ирганы дрышьҭит. 5 Нас ахԥатәи дишьҭит, аха аӡахәааӡаҩцәа уи дыршьит. Убас имаҷҩымкәа амаҵуцәа ишьҭит, аха дара шьоук рыпҟеит, шьоук ршьит. 6 Иара бзиа иибоз аԥа диман. Аҵыхәтәаны уигьы дишьҭит, иагьиҳәеит: „Ма сыҷкәын ҳаҭырла изныҟәап“. 7 Аха аӡахәааӡаҩцәа ус еибырҳәо иалагеит: „Ари аӡахәаҭра зтәхо иоуп. Шәааи даҳшьып, усҟан уи ҳара иаҳтәхоит“. 8 Дара уи дыршьын, аӡахәаҭра дҭыганы дкарыжьит. 9 Аӡахәаҭра зтәу урҭ аӡахәааӡаҩцәа ирзиуеи? Иара дааны аӡахәааӡаҩцәа ишьуеит, аӡахәаҭра даҽа шьоукы ириҭоит. 10 Ахаан шәамыԥхьаӡаци Аҩыраҿы иану: „Аргылаҩцәа ирҭахымхаз ахаҳә хыхьтәи акәакь аҿы ишьҭарҵо хаҳәны иҟалеит. 11 Уи ахаҳә Иегова* иҟынтә ауп, иагьыблахкыгоуп ҳара ҳзы“?»

12 Иисус иҿырԥштәы дара ишрызкыз еилыркаан, дыкны дыргарц рҭаххеит. Аха ажәлар ирыцәшәан, дааныжьны ицеит.

13 Дара афарисеицәа шьоуки И́род ишьҭанеицәеи Иисус иахь инарышьҭит, иакәым ак идырҳәарц азы. 14 Ианнеи, ус иарҳәеит: «Арҵаҩы, ҳара иаҳдыруеит уара еснагь аиаша шуҳәо, ауаа ирҳәогьы ушашьҭам, избанзар ауаҩы иааникыло аҭыԥ уахәаԥшӡом, Анцәа имҩа иазкны ауаа идурҵогьы иашоуп. Иҳаҳәа, ацезарь ашәахтә изшәара аҭаху-иаҭахыму? 15 Ишәатәу-ишәатәыму?» Иисус урҭ ргәы ацәгьара шҭаз идырын, ус реиҳәеит: «Сԥышәшәарц шәзашьҭои? Исшәырба адинар*». 16 Адинар анизаарга, ус дразҵааит: «Зсахьеи зыхьӡи аныда ара?» — «Ацезарь», — рҳәеит дара. 17 Усҟан Иисус иҳәеит: «Ус акәзар, ацезарь иитәу ацезарь ишәҭала, Анцәа иитәу — Анцәа». Дара иреиҳәаз даараӡа иџьаршьеит.

18 Нас аԥсцәа рыԥсы ҭалаӡом ҳәа зҳәо асаддукеицәа наидгылан, ус иарҳәеит: 19 «Арҵаҩы, Моисеи иҩуан аӡәы ахшара димоуӡакәа дыԥсыр, иԥҳәыс иашьа ԥҳәысс дигароуп ҳәа, иԥсыз ишьҭра иациҵарц азы. 20 Иҟан быжьҩык аишьцәа. Аиҳабы аԥҳәыс дааигеит, аха ахшара димоуӡакәа дыԥсит. 21 Иԥҳәыс иашьа дигеит, аха уигьы ахшара димоуӡакәа дыԥсит. Убас ихьит ахԥатәигьы. 22 Убас абыжьҩыкгьы ахшара дырмоуӡакәа иԥсит. Аҵыхәтәаны уи аԥҳәысгьы дыԥсит. 23 Рыбыжьҩыкгьы уи ԥҳәысс дрыман. Нас, рыԥсы анҭало, дызтәхода лара?» 24 Иисус ус реиҳәеит: «Шәара шәҩашьоит, избанзар Аҩыра ианугьы шәыздырӡом, Анцәа имчгьы шаҟа иӷәӷәоу шәзеилкааӡом. 25 Зыԥсы ҭало аҳәса ааргалаӡом, хаҵагьы ицалаӡом, избанзар урҭ ажәҩан аҿы иҟоу амаалықьцәа иреиԥшхоит. 26 Аԥсцәа рыԥсы шҭало атәы ҳҳәозар, Моисеи ишәҟәаҿы шәамыԥхьаӡаци амца зкыз ачықь азааигәара Анцәа Моисеи ишиеиҳәаз „Сара Авраами, Исааки, Иакови Рынцәа соуп“ ҳәа? 27 Иара зыԥсы ҭам Рынцәа иакәӡам, зыԥсы ҭоу Рынцәа иоуп. Шәара ӷәӷәала шәҩашьоит».

28 Реицәажәара азакәанрҵаҩцәа руаӡәк иаҳауан. Иара Иисус урҭ ибзианы аҭак шриҭаз аниба, ус диазҵааит: «Иарбан ԥҟароу зегь реиҳа ихадоу?» 29 Иисус ус иҳәеит: «Зегь раасҭа ихадоу абри ауп: „Уӡырҩы Израиль, Ҳанцәа Иегова иоуп. Иегова ҳәа иҟоу аӡәызаҵәык иоуп. 30 Бзиа дыжәбала Шәынцәа Иегова гәык-ԥсыкала, шәыԥси* шәыхшыҩи иара изышәк, шәымч-шәылшара иара изы шәамеигӡалан“. 31 Аҩбатәи: „Ишәзааигәоу шәхы бзиа ишыжәбо еиԥш бзиа дыжәбала“. Арҭ раасҭа еиҳа ихадоу ԥҟарак ыҟам». 32 Азакәанрҵаҩ ус иҳәеит: «Арҵаҩы, шаҟа ибзианы иуҳәазеи. Иуҳәаз иашоуп: „Нцәак иоуп иҟоу, иара ида уаҳа аӡәгьы дыҟаӡам“. 33 Гәык-ԥсыкала бзиа ибареи, ҳамч-ҳалшареи ҳахшыҩи изкреи, иаҳзааигәоу ҳхы еиԥш бзиа рбареи еиҳа ихадоуп, ишеибгоу ирбылуа акәырбанқәеи егьырҭ акәырбанқәеи раасҭа». 34 Ииҳәоз ихаҭа ишеиликаауаз аниба, Иисус ус иҳәеит: «Уара Анцәа Иаҳра уацәыхараӡам». Убри нахыс ак азҵаара аӡәгьы изыгәаӷьуамызт.

35 Аныҳәарҭаҿы Иисус иажәа иацҵо ус иҳәеит: «Азакәанрҵаҩцәа Христос Давид иԥа иоуп ҳәа зырҳәои? 36 Давид ихаҭа иԥшьоу адоуҳа ианиҵанаҳәа, абас имҳәеи: „Иегова Исықәиҭу иеиҳәеит: ‚Сарӷьараҿы утәаз, уаӷацәа ушьапаҿы ишьҭасҵаанӡа‘“. 37 Давид уи Исықәиҭу ҳәа изиҳәазар, нас, иԥа злаиакәзеи?»

Иисус изыӡырҩуаз ажәлар ииҳәоз ргәаԥхон. 38 Нас ус иҳәеит: «Азакәанрҵаҩцәа шәырмеиԥшхан. Дара иауу амаҭәа рышәҵаны аныҟәара бзиа ирбоит, бзиа ирбоит аџьармыкьаҿы аԥсшәа анрарҳәо, 39 бзиа ирбоит асинагогақәа рҿы иреиӷьу аҭыԥқәа рынкылара, ачараҿы аханы атәара. 40 Дара аҳәсеибацәа ирымоу* рымырхуеит, ауаа ҳарбандаз ҳәа акыраамҭа игыланы Анцәа иҳәоит. Урҭ уаӷеимшхара рзыҟалоит».

41 Нас иара ахазынаҭра ибзианы иахьибарҭаз днатәан, ауаа аԥара шҭарыԥсоз дахәаԥшуа далагеит. Амал змаз аԥара рацәаны иҭарыԥсон. 42 Ус, иӷарыз ԥҳәысеибак ахазынаҭра днадгылан, ҩ-лептак* ҭалыԥсеит. 43 Иисус иҵаҩцәа даарыԥхьан, ус реиҳәеит: «Аиаша шәасҳәоит: абри аԥҳәысеиба ахазынаҭра зегь раасҭа еиҳаны иҭалыԥсеит. 44 Дара меигӡарахда ирымоуп азоуп изҭарыԥсаз, лара лакәзар, дышӷаругьы, илымаз зегь ҭалыԥсеит, лхы зланыҟәылгаша ҳәа уаҳа акгьы шлымамгьы».

13 Иисус аныҳәарҭа дандәылҵуаз, иҵаҩцәа руаӡәк ус иҳәеит: «Арҵаҩы, урыхәаԥш арҭ ахаҳәқәеи арҭ аҭӡамцқәеи!» 2 Иисус ус иҳәеит: «Абарҭ аҭӡамц дуқәа убома? Абраҟа хаҳәыки хаҳәыки еиқәны иаанхаӡом, зегь ԥыххааса ицоит».

3 Аныҳәарҭа ахьынтәиубарҭаз Амаслинаҵлақәа рышьхаҿы дантәаз, Пиотри, Иакови, Иоанни, Андреии наидгылан, ус иазҵааит: 4 «Иҳауҳәар ҳҭахын, ианбаҟало абри зегьы? Иарбан дыргоу иаҳзырбо абри зегь аҵыхәтәа шааигәахаз?» 5 Иисус ус реиҳәеит: «Шәгәышәҽаныз, аӡәгьы шәимжьааит. 6 Сыхьӡ зманы иаауа рацәаҩхоит, иагьырҳәалоит: „Сара Христос соуп“, убас иржьо рацәаҩхоит. 7 Ана-ара аибашьрақәа шцо аншәаҳалак, шәымшәан, избанзар уи зегьы ҟалараны иҟоуп, аха адунеи аҵыхәтәа усҟан акәӡам ианааиуа.

8 Ажәлари ажәлари еибашьлоит, аҳреи аҳреи еиҿагылоит, ана-ара адгьылҵысрақәа ҟалоит, иҟалоит амлакра. Убас ауп арыцҳарақәа ишрылаго.

9 Шәгәышәҽаныз. Ауаа аусӡбарҭақәа рахь шәыргалоит, асинагогақәа рҿы шәрыпҟалоит, сыхьӡ азы анапхгаҩцәеи аҳцәеи рахь шәнаргалоит, урҭ сыӡбахә раҳарц азы. 10 Иара убас раԥхьа ажәларқәа зегь ажәабжь бзиа рылаҳәахар ауп. 11 Шәыкны, анапхгаҩцәа рҿаԥхьа шәандыргыло, ишәҳәаша шәмоур ҳәа шәымшәан, убри асааҭ азы шәхаҿы иааиуа шәҳәала, избанзар ицәажәало шәара шәакәӡам, иԥшьоу адоуҳа ауп. 12 Уи адагьы, ауаҩы иашьа дыршьырц азы ауаа дриҭоит, абгьы — ихәыҷы. Ахәыҷқәа рҭаацәа ирҿагылоит, иршьырц азгьы ауаа ирырҭоит. 13 Сыхьӡ азы ауаа зегьы шәырцәымыӷхоит. Аха аҵыхәтәанынӡа изычҳаз деиқәхоит.

14 Ақәӡаара аазго ахәымгара иахьаҭыԥым ишгылоу аныжәбалак (иаԥхьо* еиликааит), усҟан Иудеиа иҟақәоу ашьхарахь иҩны ицааит. 15 Аҩны ахыб иқәу иакәзар, имаҭәақәа дәылигарц азы сылбаауеит ҳәа даламгааит. 16 Амхы иҭоугьы хыхьтәи имаҭәа игарц азы дыхнымҳәааит. 17 Шаҟа ирыцҳахозеи урҭ амшқәа раан зцәазтәымкәа иҟоу аҳәсеи агәыԥҳәы иаҵоу аԥшқацәа змоу аҳәсеи! 18 Анцәа шәиҳәала уи аӡынра иҟамларц, 19 избанзар урҭ амшқәа раан иҟалоит Анцәа адунеи аниша инаркны иахьа уажәраанӡа иҟамлац, уаҳа иҟаларангьы иҟам арыцҳара ду. 20 Иегова* уи аамҭа имыркьаҿызҭгьы, аӡәгьы дзеиқәхомызт. Аха Анцәа иалихыз раҳаҭыразы уи аамҭа ркьаҿхоит.

21 Усҟан ишәарҳәар: „Христос ара дыҟоуп!“, ма „Ана дыҟоуп!“ ҳәа, ихашәымҵан, 22 избанзар аџьашьахәқәа ҟазҵо амцхристосцәеи амцԥааимбарцәеи цәырҵуеит, дара Анцәа иалихыз ржьарц рҭаххоит. 23 Убри аҟынтә шәгәышәҽаныз. Сара зегь заа ишәасҳәеит.

24 Убарҭ амшқәа раан, уи арыцҳара ашьҭахь, амра лашьцоит, амза еиқәаҵәахоит, 25 аеҵәақәа кыдыбгоит, ажәҩан амчқәа ҵысуеит. 26 Усҟан ауаа дырбоит амч ду зманы, хьыӡла-ԥшала аԥҭақәа ирылаланы иаауа ауаҩытәыҩса Иԥа. 27 Иара амаалықьцәа ишьҭуеит ԥшь-ԥшак рҟынтә*, адгьыл ахы инаркны ажәҩан аҵыхәанӡа, Анцәа иалихыз еизигарц азы.

28 Шәазхәыц: алаҳаҵла амахәҭа ҿақәа рҿы абыӷьқәа пытуа ианалаго, аԥхынра шааигәоу жәдыруеит. 29 Убасҵәҟьа абри зегь аҟалара ишаҿу аныжәбалак, ижәдыруаз ауаҩытәыҩса Иԥа дааирц акгьы шигым, ашә дшылагылоу. 30 Аиаша шәасҳәоит: ари абиԥара ииасаанӡа, абри зегь ҟалоит. 31 Ажәҩани адгьыли ықәӡаауеит, аха сажәа ахаангьы иӡӡом.

32 Уи амши асааҭи анааиуа аӡәгьы издырӡом, ажәҩан аҿы иҟоу амаалықьцәагьы ирыздырӡом, Аԥагьы издырӡом, издыруа — Саб заҵәык иоуп. 33 Шәгәышәҽаныз, шәхы шәацклаԥшла, избанзар уи аамҭа анааиуа шәыздырӡом. 34 Уи зыҩны ааныжьны даҽа тәылак ахь ицаз ахаҵа иеиԥшуп. Дцаанӡа, иҩны имаҵуцәа рнапы ианиҵан, зегьы адҵақәа риҭеит, аҩны ахьчаҩгьы игәиҽанызарц иеиҳәеит. 35 Убри аҟынтә шәгәышәҽаныз, избанзар шәара аԥшәма данаауа шәыздырӡом, ахәылбыҽха акәу, ҵхабжьон акәу, аҵх агәазы акәу, ашамҭазы* акәу. 36 Шәгәышәҽаныз, шәшыцәоу дшәыхҭыгәымларц азы. 37 Шәара ишәасҳәо зегьы ирасҳәоит: шәгәышәҽаныз».

14 Мшаԥныҳәанӡеи Арҵәыга злам ача аныҳәанӡеи ҩымш бжьан. Аԥшьаҩ еиҳабацәеи азакәанрҵаҩцәеи гызмалрак хәыцны, Иисус дшыркыша, насгьы дшыршьыша иазхәыцуан. 2 Аха «ажәлар ҳҿамгыларц азы аныҳәа иақәҳмыршәап» рҳәеит.

3 Иисус Вифа́ниа инхоз, ацәеилабаара змаз Си́мон иҩны акранифоз, ԥҳәыск алебастр иалхыз аирыӡ лыманы дааит. Уи зыфҩы хааз ахәша ҭан — зыхә цәгьаз анард цқьа. Лара уи аирыӡ ахы ааԥылҽын, Иисус ихы ахәша ақәҭәара далагеит. 4 Ари збаз шьоукы ҟәындҟәындуа, ус еибырҳәо иалагеит: «Баша изнылхуеи ари аҩыза ахәша? 5 Уи 300 динар* ҳәа иҭины, аԥара аӷарцәа ирзушар амуази». Аԥҳәыс иҟалҵаз дара даараӡа ргәы ԥнажәеит. 6 Иисус ус иҳәеит: «Шәылҟәаҵ, лгәы зкашәыжьуеи? Уи сара сзы аус бзиа ҟалҵеит. 7 Арыцҳацәа еснагь ишәыцзаауеит, ианаашәҭаху абзиара рзыҟашәҵалар шәылшоит, сара еснагь сшәыцзааӡом. 8 Лара илылшоз ҟалҵеит, ахәша сықәҭәаны аԥсыжра сазыҟалҵеит. 9 Аиаша шәасҳәоит: адунеи ахьынӡанаӡааӡо ажәабжь бзиа ахьырҳәало ари аԥҳәысгьы дыргәалашәалоит, иҟалҵазгьы еиҭарҳәалоит».

10 12-ҩык ируаӡәкыз Иуда Искарио́т аԥшьаҩ еиҳабацәа рахь дцеит, Иисус диҭиирц азы. 11 Иуда иреиҳәаз ргәы иахәан, аԥара* уаҳҭоит ҳәа дақәдыргәыӷит. Убри инаркны иаргьы Иисус дшиҭиша дашьҭалеит.

12 Арҵәыга злам ача аныҳәа аназгәарҭоз актәи амш аҽны, иара убас ишаԥыз еиԥш Мшаԥныҳәа иазкыз ашьтәагьы аныршьуаз, Иисус иҵаҩцәа ус иазҵааит: «Мшаԥныҳәазы уаххьа абоузҳархиари?» 13 Усҟан иара ҩыџьа иҵаҩцәа ишьҭит, абас нараҳәаны: «Ақалақь ахь шәца. Уа ԥҳалла аӡы аазго ахаҵа дышәԥылоит. Убри шәишьҭаланы шәцала. 14 Дзыҩнало аҩны аԥшәма ус иашәҳәа: „Арҵаҩы дҵаауеит: ‚Иабаҟоу сҵаҩцәеи сареи Мшаԥныҳәа азгәаҳҭар ахьҳалшо ауада?‘“ 15 Уи хыхьтәи ауада ду шәирбоит. Уа иаҭаху зегь ҟалоит. Убра ишәырхиа». 16 Аҵаҩцәагьы ақалақь ахь ицеит. Зегьы Иисус ишреиҳәаз еиԥш иҟалеит. Убра Мшаԥныҳәа азгәарҭарц азы зегь дырхиеит.

17 Ахәылбыҽха Иисус 12-ҩык иманы уахь днеит. 18 Акрыфара ианаҿыз, иара ус иҳәеит: «Аиаша шәасҳәоит, акрысыцызфо шәуаӡәк сиҭиуеит». 19 Аҵаҩцәа уи ргәы днархьын, аӡәаӡәала иазҵаауа иалагеит: «Уи сара сакәхарым?» 20 Иара ус иҳәеит: «Знапы асаан исыцанызшьыло 12-ҩык руаӡәк иоуп. 21 Ауаҩытәыҩса Иԥа иара изкны ишану еиԥш дцоит. Аха изакә рыцҳароузеи изыԥшу уи дызҭиуа! Дымир еиҳа изеиӷьхон».

22 Акрыфара ианаҿыз, Иисус ача аашьҭихын, Анцәа диҳәеит*. Нас иааԥыҽҽны иҵаҩцәа ириҭан, ус иҳәеит: «Шәысҭ, ижәга, ари ача сцәеижь аанарԥшуеит». 23 Нас аҵәца аашьҭихын, Анцәа иҭабуп ҳәа иеиҳәан, иҵаҩцәа ириҭеит. Зегьы уи аҵәца ржәит. 24 Иара иҳәеит: «Ари аҩы аӡәырҩы рзы икаҭәо сшьа аанарԥшуеит. Уи абзоурала аиқәшаҳаҭра ҿыц бжьаҵахоит. 25 Аиаша шәасҳәоит: Анцәа Иаҳраҿы аҩҿа анызжәло амш ааиаанӡа уаҳа аҩы зжәӡом». 26 Аҵыхәтәаны Анцәа дҳаразкуа ашәақәа рҳәан, Амаслинаҵлақәа рышьхахь ицеит.

27 Иисус иҵаҩцәа ус реиҳәеит: «Шәыззегьы сааныжьны шәцоит, избанзар Аҩыраҿы иануп: „Ахьча дысшьыр, иуасақәагьы еимпуеит“. 28 Аха сыԥсы анҭалалак, Галилеиаҟа сцоит, убра сышәзыԥшызаауеит». 29 Аха Пиотр иҳәеит: «Зегьы уаанрыжьыргьы, сара уаансыжьӡом!» 30 Иисус иҳәеит: «Аиаша уасҳәоит: иахьа, уахаҵәҟьа, арбаӷь ҩынтә ҿнаҭаанӡа, сузымдыруашәа ҟаҵаны, хынтә мап сцәукуеит». 31 Аха Пиотр даҟәыҵуамызт: «Суцыԥсыр акәхаргьы, мап уцәыскуам!» Егьырҭ аҵаҩцәагьы ирҳәоз уи акәын.

32 Уи ашьҭахь Иисус иҵаҩцәеи иареи Гефсима́ниа ҳәа изышьҭаз аҭыԥ ахь инеит. Иара ус реиҳәеит: «Ара шәаатәа. Сара сцаны Анцәа сиҳәоит». 33 Нас Пиотри, Иакови, Иоанни иманы дцеит. Иисус игәы хьанҭахан, агәырҩа ӷәӷәа дҭанагалеит. 34 Нас ус реиҳәеит: «Сара даараӡа сгәырҩоит, аԥсра аҟынӡа снеины сыҟоуп. Ара шәаасзыԥшы, шәмыцәан». 35 Нас хәыҷык днаскьан, дшьамхышгыланы Анцәа иҳәара далагеит, иауазар, убри асааҭ иаҩгахарц азы. 36 Иара иҳәеит: «А́бба*, Саб, уара иулымшо ҳәа акгьы ыҟаӡам, абри аҵәца сумыржәын. Аха сара ишысҭаху еиԥш акәымкәа, уара ишуҭаху иҟалааит». 37 Иисус иҵаҩцәа рахь даныхынҳә, ишамхацәаз ибеит. Усҟан иара Пиотр ус иеиҳәеит: «Си́мон, уцәоума? Сааҭк умыцәаӡакәа иузымычҳаӡози? 38 Шәмыцәан, шәааҟәымҵӡакәа Анцәа шәиҳәала, акгьы шәыхнамхырц азы. Ауаҩы игәы ӷәӷәоуп*, аха ицәеижь ԥсыҽуп». 39 Уи ашьҭахь еиҭа днаскьан, Анцәа дзызиҳәахьаз азы еиҭа иҳәара далагеит. 40 Даныхынҳә, иҵаҩцәа еиҭа ишамхацәаз ибеит, избанзар ацәа риааит. Иарҳәашагьы рыздыруамызт. 41 Ахынтә раан дхынҳәны данааи, ус реиҳәеит: «Уажәы ацәареи аԥсшьареи ираамҭоума? Иазхоуп! Ауаҩытәыҩса Иԥа агәнаҳаҟаҵаҩцәа данрырҭо аамҭа ааит. 42 Шәгыл, ҳцалароуп. Сызҭираны иҟоу дааихьеит».

43 Иисус иажәа ҳәаны далгаанӡа, 12-ҩык ируаӡәкыз Иуда а́ҳәақәеи алабақәеи рыла еибыҭаз ауаа рацәа ицны дааит. Урҭ аазышьҭыз аԥшьаҩ еиҳабацәеи, азакәанрҵаҩцәеи, ажәлар реиҳабацәеи ракәын. 44 Ачарҳәаҩ абри аҩыза адырга шәысҭоит ҳәа реиҳәеит: «Шәзышьҭоу иӡамҩа сагәӡуеит, убри иоуп ижәгаша. Даныжәго, дышәцәымцарц азы дшәыхьчала». 45 Нас иаразнак Иисус иахь днеин: «Арҵаҩы!» — иҳәан, иҽырхааны дигәӡит. 46 Иисусгьы дыкны дыргеит. 47 Аха ааигәа игылаз руаӡәк иаҳәа ааҭиԥаан, аԥшьаҩ хада имаҵуҩы илымҳа ааҿахиҵәеит. 48 Нас Иисус ишьҭаланы инеиз ус реиҳәеит: «Цәгьарак ҟазҵаз сакәушәа, аҳәақәеи алабақәеи кны шәсышьҭаланы шәааит. 49 Есыҽны сара аныҳәарҭаҿы стәаны ауаа Анцәа иажәа дсырҵон, аха усҟан шәсылакьысӡомызт. Аха ари зегь зыҟалаз Аҩыра иану наӡарц азоуп».

50 Усҟан иҵаҩцәа зегь шәан, дааныжьны иҩны ицеит. 51 Аха ҷкәынак Иисус дишьҭаланы дцеит. Иара ақәны иалхыз амаҭәа ада, уаҳа акгьы ишәӡамызт. Уи дыркырц иалагеит, 52 аха иара ақәны иалхыз имаҭәа аанижьын, маҭәада* дыҩны дцеит.

53 Иисус аԥшьаҩ хада иахь дыргеит. Уа аԥшьаҩ еиҳабацәеи, азакәанрҵаҩцәеи, ажәлар реиҳабацәеи еизахьан. 54 Иисус аԥшьаҩ хада иахь днаргаанӡа Пиотр уи дишьҭаланы дцон, аха ԥыҭк рыбжьан. Ашҭа данҭала, амаҵуцәа днарыдтәалан, амцаҿы аҽырԥхара далагеит. 55 Аԥшьаҩ еиҳабацәеи Асинедрио́н иалахәызи Иисус дыршьырц рҭахын азы, амц изызҳәашаз ашаҳаҭцәа ирышьҭан. Аха ашьра иқәырҵартә еиԥш ихарарҵаша рмоуит. 56 Имаҷҩымкәа амцшаҳаҭцәа ааит, аха ирҳәоз еиқәшәаӡомызт. 57 Шьоукы мыцла изышаҳаҭуа, абас рҳәон: 58 «Ҳара иҳаҳаит ари ауаҩ ишиҳәоз: „Сара ауаа рнапала идыргылаз ари аныҳәарҭа рбганы, хымш рыла ауаа рнапала иҟаҵам даҽа ныҳәарҭак сыргылоит“ ҳәа». 59 Аха уи аҿгьы ирҳәоз еиқәшәаӡомызт.

60 Нас аԥшьаҩ хада дҩагылан, Иисус ус иеиҳәеит: «Иуҳәаша умаӡами? Иузырҳәо умаҳаӡои?» 61 Аха Иисус аҭак ҟаиҵаӡомызт, ҿымҭӡакәа дгылан. Нас аԥшьаҩ хада еиҭа ус диазҵааит: «Уара Иԥшьоу Анцәа Иԥа Христос уакәҵәҟьоума?» 62 «Сакәҵәҟьоуп», — иҳәеит Иисус, нас иациҵеит: «Шәара ижәбараны шәыҟоуп ауаҩытәыҩса Иԥа амч ду змоу Анцәа иарӷьараҿ дыштәоу, насгьы аԥҭақәа дрылаланы дшаауа». 63 Усҟан аԥшьаҩ хада имаҭәа ишәхаԥижәан, ус иҳәеит: «Уаҳа ашаҳаҭцәа заҳҭахузеи? 64 Анцәа дшихыччо шәлымҳақәа рыла ишәаҳаит. Ишәыӡбои, нас?» Дара зегьы дышьтәуп ҳәа рыӡбеит. 65 Усҟан шьоукы иҿажьцәо, иҿы хҩаны ҭаҷкәымла исуа: «Уԥааимбарла!» ҳәа иарҳәон. Нас ахьчаҩцәа аҿақ-аҿақҳәа иааиҿасын, дрыманы ицеит.

66 Уи аамҭазы Пиотр ҵаҟа, ашҭаҿы, дтәан. Уахь аԥшьаҩ хада имаҵуҩԥҳәыс днеит. 67 Амца иҽҳәатәаз Пиотр данылба, икылкаан днеиҿаԥшын, ус лҳәеит: «Уаргьы назареттәи Иисус уицын». 68 Аха иара: «Сара уи дсыздырӡом, бызлацәажәогьы сзеилкаауам», — иҳәан, мап икит. Нас агәашә ахь дцеит. 69 Уа даҽа маҵуҩԥҳәыск дгәалҭан, еилагылаз ус ралҳәеит: «Аригьы урҭ дрыцын». 70 Аха иара еиҭа мап акра далагеит. Ԥыҭрак ашьҭахь уа еилагылаз Пиотр еиҭах ус иарҳәо иалагеит: «Уаргьы урҭ уруаӡәкуп, избанзар угалилеиатәиуп». 71 Аха иара ихы ишәиуа ақәра далаган, ус иҳәеит: «Зыӡбахә шәҳәо сара дсыздырӡом!» 72 Убри аминуҭ азгьы арбаӷь аҩынтә раан ҿнаҭит. Убасҟан иара игәалашәеит Иисус ишиҳәахьаз: «Арбаӷь ҩынтә ҿнаҭаанӡа, уара хынтә мап сцәукуеит». Усҟан иҽизнымкылан, инеимаҭәаны аҵәыуара далагеит.

15 Ашамҭазы аԥшьаҩ еиҳабацәеи, ажәлар реиҳабацәеи, азакәанрҵаҩцәеи — Асинедрио́н зегьы — ааилацәажәан, Иисус дҿаҳәаны, днаганы Пилат дирҭеит. 2 Пилат Иисус диазҵааит: «Уара аиудеиаа раҳ уоума?» Иисус иҳәеит: «Уара ухаҭа аҭак ҟауҵеит». 3 Аха аԥшьаҩ еиҳабацәа Иисус ихарарҵоз рацәан. 4 Усҟан Пилат еиҭа дҵааит: «Иуҳәаша умаӡами? Иузырҳәо умаҳаӡои?» 5 Иисус уаҳа акгьы имҳәаӡеит. Пилат уи џьеишьеит.

6 Есмшаԥы Пилат ажәлар ирҭахыз ацәгьаҟаҵаҩ доуишьҭуан. 7 Убри аамҭазы абахҭа дҭакын Вара́вва зыхьӡыз хаҵак. Иара аҿагыларақәа раан ашьра ҟазҵаз егьырҭ аҿагылаҩцәа дрыцҭакын. 8 Ажәлар еизан, Пилат абжьааԥны ирзыҟаиҵоз рзыҟаиҵарц иҳәара иалагеит. 9 Пилат ус дразҵааит: «Аиудеиаа раҳ доусышьҭыр шәҭахума?» 10 Пилат идыруан аԥшьаҩ еиҳабацәа Иисус иҵашьыцны дыширҭаз. 11 Аха аԥшьаҩ еиҳабацәа ажәлар заа ирацәажәахьан уи иҭыԥан Вара́вва доуишьҭырц азы иҳәарц. 12 Пилат еиҭа ус дразҵааит: «Изызур акәзеи аиудеиаа раҳ ҳәа шәзышьҭоу?» 13 «Ашьаҟа дкыдҵа!» — ҳәа ҿаарҭит дара. 14 «Дзыхшәырҟьои? Цәгьарас иҟаиҵеи?» — ҳәа дҵааит иара. Аха дара еиҳагьы рыбжьы ҭыганы иҳәҳәон: «Ашьаҟа дкыдҵа!» 15 Усҟан Пилат ажәлар ирҭахыз ҟаиҵан, Вара́вва доуишьҭит, нас Иисус ҟамчыла дыпҟаны, ашьаҟа дкыдырҵарц адҵа ҟаиҵеит.

16 Аруаа Иисус Пилат иаҳҭынраҿы иҟаз ашҭахь дырган, ар зегь еизыргеит. 17 Дара Иисус апурпурԥштәы змаз амаҭәа ишәхадырԥеит, амаӷ иалхны агәыргьын ҟарҵан, ихарҵеит, 18 нас изҿырҭуа иалагеит: «Бзиара умаз, аиудеиаа раҳ!» 19 Иара убас лабала ихы иасуан, иҿажьцәон, насгьы иҿаԥхьа ишьамхышгыланы иеихырхәон. 20 Иҵәылхра ианаҟәыҵ, апурпурԥштәы змаз амаҭәа ишәырхын, имаҭәа ишәҵаны дрыманы ицеит, ашьаҟа дкыдырҵарц азы. 21 Дара ақыҭарантәи иаауаз Кире́на иатәыз Си́мон зыхьӡыз хаҵак Иисус дкыдырҵараны дахьыҟаз ашьаҟа даҵарҵеит. Иара Александри Руфи раб иакәын.

22 Убас дара Иисус Голго́фа захьӡыз аҭыԥ ахь дааргеит, уи иаанагоит «ахыбаҩ». 23 Уа Иисус аҩы амирра* алаҭәаны ирҭеит, аха иара имжәӡеит. 24 Ашьаҟа данкыдырҵа, хыхьтәи имаҭәа ршарц азы аҵәы ҭарыԥсеит*, дасу иигаша рыӡбарц азы. 25 Ашьаҟа данкыдырҵаз шьыжьын, асааҭ 9 раҟара* ыҟан. 26 Иханы дзыхдырҟьаз анын: «Аиудеиаа раҳ». 27 Иисус ивараҿы ҩыџьа ацәгьаҟаҵаҩцәа кнаҳан: аӡәы — иарӷьарахь, егьи — иармарахь. 28 ——* 29 Иаҩсны ицоз иҟоу зегь изҳәо, рыхқәа рҵысуа ихыччон, иагьырҳәон: «Еи, хымш рыла аныҳәарҭа рбганы изыргылоз, 30 ухы еиқәырха, ашьаҟа аҟынтә улбаа!» 31 Аԥшьаҩ еиҳабацәагьы азакәанрҵаҩцәагьы Иисус ихыччо, абас рҳәон: «Егьырҭ еиқәирхон, арахь ихы изеиқәырхаӡом! 32 Христос, израильаа раҳ, ишаҳбо ашьаҟа аҟынтә дылбаар, усҟан игәра ҳгоит». Наҟ-ааҟ ицкнаҳаз ацәгьаҟаҵаҩцәаҵәҟьагьы ихыччон.

33 Шьыбжьон, асааҭ 12 шыҟаз* уа адгьыл зегь лашьцеит, асааҭ 3-нӡагьы* алашьцара ахыҵуамызт. 34 Асааҭ 3 раҟара шыҟаз, Иисус ибжьы ҭыганы иҳәеит: «Ели́, ели́, лама́ савахфани́?» — уи иаанагоит: «Сынцәа, Сынцәа, сзаанужьзеи?» 35 Уа игылаз шьоукы уи анраҳа, ус рҳәеит: «Шәыԥшы, Илиа изҿиҭуеит». 36 Урҭ руаӡәк иаразнак дыҩны дцан, абамба* абжьеи иларчачаны алаба иахеиҵан, ииржәырц далагеит, иагьиҳәеит: «Шәиҟәаҵ, Илиа дааны, дыкнихуазар ҳамбари». 37 Иисус ибжьы ҭыганы дыҳәҳәан, дыԥсит. 38 Усҟан аԥшьаҭыԥ аҿы икнаҳаз аԥарда ахы инаркны аҵыхәанӡа иԥжәеит. 39 Иисус иааигәара игылаз ар реиҳабы Иисус иԥсышьа аниба, ус иҳәеит: «Ари ауаҩ ииашаҵәҟьаны Анцәа Иԥа иакәзаарын».

40 Уи зегь збоз аҳәса инаскьашәа игылан. Урҭ рыбжьара иҟан Мариа Магдалинеи, Иаков Аиҵби* Иосифи ран Мариеи, Саломи́еи. 41 Урҭ Иисус Галилеиа даныҟаз ицқәаз, насгьы ицхраауаз ракәын. Иара убас уа иҟан Иерусалимҟа ицны иааз имаҷҩымкәа егьырҭ аҳәсагьы.

42 Ахәылбыҽха ааигәахон. Уи аҽны асабша рҽаназыҟарҵоз амш акәын, адырҩаҽны сабшан. 43 Убри аҟынтә Аримафеиантәи аусӡбаратә хеилак* иалахәыз ҳаҭыр зқәырҵоз Иосиф дааит. Иаргьы Анцәа Иаҳра дазыԥшын. Агәымшәара аарԥшны иара Пилат иахь дцан, Иисус иԥсыбаҩ даҳәеит. 44 Пилат Иисус дыԥсхьеит ҳәа аниаҳа, иџьеишьан, ар реиҳабы дааиԥхьан, ус акәҵәҟьоума ҳәа диазҵааит. 45 Ар реиҳабы ус ауп ҳәа аниҳәа, Пилат аԥсы Иосиф дииҭеит. 46 Иара ақәны цқьа иалхыз аба ааихәан, аԥсы дыкныхны, уи аба дылеиҳәеит. Нас дганы, ацаҟьаҿы иҟаҵаны имаз адамра дҭеиҵеит. Адамра ахаҳә ду адиргылеит. 47 Мариа Магдалинеи Иосиф иан Мариеи уа иаанхеит, Иисус дахьҭарҵаз иахәаԥшырц азы.

16 Асабша аниас, Мариа Магдалинеи, Иаков иан Мариеи, Саломи́еи зыфҩы хааз ахәша злаз аҳаскьынқәа аахәаны ирыманы ицеит, аԥсы ихьыршьырц азы. 2 Амчыбжь актәи амш аҽны, шарԥазы, амра шаагылаз еиԥш, дара адамрахьы иааит. 3 Амҩан урҭ ус еибырҳәон: «Адамра ахаҳә ҳзадызхуада?» 4 Ианнеи, ахаҳә адхны ишыҟаз рбеит, уи даараӡа ишдуузгьы. 5 Адамра ианҭала, арыӷьарахь иауз амаҭәа шкәакәа зшәыз рԥыск дыштәаз рбеит. Ирбаз џьаршьан, ишанхеит. 6 Иара иҳәеит: «Иџьашәымшьан. Сара издыруеит ашьаҟа икыдҵаны иршьыз назареттәи Иисус шәышишьҭоу. Уи ара дыҟаӡам, иԥсы ҭалеит. Шәахәаԥш, аброуп дахьышьҭарҵаз. 7 Уажәшьҭа шәцаны, иҵаҩцәеи Пиотри ирашәҳәа: „Иара Галилеиа дышәзыԥшызаауеит. Ишшәеиҳәахьаз еиԥш убра дыжәбоит“». 8 Згәы ҭҟьаны, ишанханы иҟаз аҳәса адамра иҭыҵын, иҩны ицеит. Дара аӡәгьы акгьы иарымҳәаӡеит, избанзар ишәон*.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ма «иӡааишьуан».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицқьам адоуҳа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицқьам адоуҳа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицқьам адоуҳақәа».

Мамзаргьы иҟалап «дызусҭаз рдыруан».

Абиблиатә аамҭақәа раан ауаа астол иадиааланы акрырфон.

Ма «а́ҳаҭа». Уи арахә рцәа иалырхуан.

Ма «Анцәа иҿаԥхьа иқәырҵоз ача».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицқьам адоуҳақәа».

Ма «еилҟьоу, иҳаҵҳаҵо».

Аҩсҭаа.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицқьам адоуҳа».

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Адунеи».

Ма «агорчица жәла». Уи ианазҳалак иҵлахоит, 4 метрак рҟынӡагьы инаӡоит.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицқьам адоуҳа».

Аиха иалху аҿаҳәага.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицқьам адоуҳа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицқьам адоуҳақәагьы».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Шәахәаԥш Ажәар.

Ма «инақәырӷәӷәаны».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицқьам адоуҳақәа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «абҩа аума».

Убасала иаадырԥшуан уаҳа аҭакԥхықәра шрыдмыз.

Ирод Анти́па. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ирод».

Аиха иалху аҿаҳәага.

Адинар — 3,85 грамм иҟаз раӡны ԥаран. Уи мышкала идырҳауан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иныҳәеит».

Уахынла асааҭ 3 раҟара инаркны, ашьыжь асааҭ 6 раҟара аҟынӡа.

Уи иаанаго аҵаҩцәа рнапқәа ҟьашьыҵәҟьан ҳәа акәӡам, уи иаанаго рнапқәа ауриатә ҵасқәа инарықәыршәаны иӡәӡәамызт ҳәа ауп.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иӡаархуеит».

Ари ажәеинраала абиблиатә еиҭагақәак рҿы иҟоуп, аха зыгәра угартә иҟоу ажәытә бырзен манускриптқәа рҿы иҟаӡам. Шәахәаԥш Ацҵа А3.

Абырзен ажәа порне́иа арацәа хыԥхьаӡараҿы. Шәахәаԥш Ажәар.

Абырзен ажәа асе́лгеиа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицқьам адоуҳа».

Иҟалап лара Финики́а дизар.

Шәахәаԥш Ажәар.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иныҳәан».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «сышьҭахь угыл».

Ма «игәаҟратә шьаҟа». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Агәаҟратә шьаҟа».

Ма «зыԥсҭазаара».

Ма «иԥсҭазаара».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «равви́».

Мамзаргьы иҟалап «уи аӡәгьы иарымҳәаӡеит».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицқьам адоуҳа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «сыхьӡ аҳаҭыразы».

Шәахәаԥш Ажәар.

Ари ажәеинраала абиблиатә еиҭагақәак рҿы иҟоуп, аха зыгәра угартә иҟоу ажәытә бырзен манускриптқәа рҿы иҟаӡам. Шәахәаԥш Ацҵа А3.

Ари ажәеинраала абиблиатә еиҭагақәак рҿы иҟоуп, аха зыгәра угартә иҟоу ажәытә бырзен манускриптқәа рҿы иҟаӡам. Шәахәаԥш Ацҵа А3.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «цәеижькны».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «еицҵеикыз».

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Адунеи».

Ма «иԥсҭазаара».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «раввуни́».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «равви́».

Ари ажәеинраала абиблиатә еиҭагақәак рҿы иҟоуп, аха зыгәра угартә иҟоу ажәытә бырзен манускриптқәа рҿы иҟаӡам. Шәахәаԥш Ацҵа А3.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ажәҩан акәу».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Адинар — 3,85 грамм иҟаз раӡны ԥаран. Уи мышкала идырҳауан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Аԥсы».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рыҩнқәа».

Ҩ-лептак жәабаҟа минуҭ рыла идырҳауан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Даниил иԥааимбаражәа иаԥхьо. Шәахәаԥш Мф 24:15.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Мрагыларантәи, мраҭашәарантәи, аладантәи, аҩадантәи.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «арбаӷьқәа анҿырҭуа».

Адинар — 3,85 грамм иҟаз раӡны ԥаран. Уи мышкала идырҳауан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «араӡны ԥара».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иныҳәеит».

Ауриа ма арамеи ажәоуп, иаанагоит «О, саб».

Ма «игәы ҳаҵҳаҵо иҟоуп».

Ма «ҵаҟатәи имаҭәа заҵәык шишәыз».

Амирра — анаркотик иеиԥшу маҭәашьарын.

Шәахәаԥш Ажәар.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 3-тәи асааҭ».

Ари ажәеинраала абиблиатә еиҭагақәак рҿы иҟоуп, аха зыгәра угартә иҟоу ажәытә бырзен манускриптқәа рҿы иҟаӡам. Шәахәаԥш Ацҵа А3.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 6-тәи асааҭ азы».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 9-тәи асааҭынӡагьы».

Ма «агубка».

Ма «Кьаҿи».

Ма «Асинедрио́н».

Зыгәра угартә иҟоу ажәытә манускриптқәа инарықәыршәаны, Марк иҟынтә Аевангелие абарҭ ажәақәа рыла инҵәоит. Шәахәаԥш Ацҵа А3.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра