ИОАНН ИҞЫНТӘ АЖӘАБЖЬ БЗИА
1 Алагамҭазы иҟан Ажәа, уи Ажәа Анцәа ицын, уи Ажәа нцәан*. 2 Уи аханатә Анцәа ицын. 3 Зегьы иара ила иҟалеит, иара ида акгьы ҟамлаӡеит.
4 Иара ила иҟалеит аԥсҭазаара, аԥсҭазаара* ауаа рзы лашаран. 5 Алашара алашьцараҿы илашоит, алашьцара уи алашара изахаԥом.
6 Дааит Анцәа иааишьҭыз ауаҩы. Уи Иоанн ихьӡын. 7 Иара дааит ашаҳаҭҩы иеиԥш, алашара дазышаҳаҭларц азы, иара ила еиуеиԥшым ауаа ахаҵара роурц азы. 8 Уи алашара иара иакәӡамызт, иара алашара дазышаҳаҭлар акәын.
9 Еиуеиԥшым ауаа ирзылашо ииашаҵәҟьоу алашара иаарласны адунеи ахь даар акәын. 10 Иара адунеи аҿы дыҟан, аха иара ила иҟалаз адунеи иара дазымдырӡеит. 11 Иара иҩныҟа дааит, аха ижәлар дрыдрымкылаӡеит. 12 Дыздызкылаз ртәы ҳҳәозар, иара урҭ Анцәа ихәыҷқәа ракәхарц азин риҭеит, избанзар дхарҵон. 13 Дара ауаа ракәӡам изыхшаз, ацәеижь иаҭахны ма ауаҩы иҭахны акәӡам ишиз, Анцәа иҭахны ауп ишиз.
14 Ажәа уаҩны иҟалеит, уи ҳара иҳацынхон. Ҳара иаҳбон уи ихьӡ-иԥша, аԥазаҵә иаб иҟынтә иоуз ахьӡ-аԥша. Иара еснагь ауаа аҵабырг дирҵон, Анцәагьы уи еснагь дизыразын*. 15 (Иоанн зегьы ираҳартә еиԥш ибжьы ҭыганы уи абас дизышаҳаҭуан: «Ари абас ззысҳәаз иоуп: „Сышьҭахь ааира иаҿу сара саасҭа деиҳахеит, избанзар уи сара саԥхьагьы дыҟан“».) 16 Ҳара есымша ҳзыԥсам ақьиара ҳауан, избанзар иара уи меигӡарахда иман. 17 Моисеи ила ҳара иҳауит азакәан, Иисус Христос ила иҳауит ҳзыԥсам ақьиареи аҵабырги. 18 Аӡәымзар-аӡәгьы ахаан Анцәа димбацт. Уи иӡбахә ҳзеиҭазҳәаз Заб иааигәара иҟоу Анцәа иеиԥшу иԥазаҵә иоуп.
19 Абар Иоанн шаҳаҭрас иҟаиҵаз. Аиудеиаа Иерусалимынтәи аԥшьаҩцәеи алевитцәеи Иоанн узусҭада ҳәа иазҵаарц ианаарышьҭ, 20 рызҵаара ҭакда иаанимыжьӡеит, иаартынгьы иҳәеит: «Сара Христос сакәӡам». 21 «Узусҭада, нас? Илиа уоума?» — иазҵааит дара. «Мамоу», — иҳәеит иара. «Уԥааимбарума?» — «Мамоу!» — иҳәеит. 22 Усҟан дара ус иарҳәеит: «Узусҭада, нас? Аҭак ҳаҭ, ҳаазышьҭыз ираҳҳәаша ҳдыруазарц азы. Иуҳәои узусҭоу иазкны?» 23 Иара иҳәеит: «Сара, аԥааимбар Иса́иа ишиҳәаз еиԥш, „Иегова* изы амҩа каххаа иҟашәҵа“ ҳәа ацәҳәыраҿы зыбжь ду го соуп». 24 Урҭ ауаа аазышьҭыз афарисеицәа ракәын. 25 Усҟан дара ус иазҵааит: «Христос уакәымзар, Илиа уакәымзар, уԥааимбарымзар, нас, ауаа зӡааухуеи?» 26 Иоанн ус реиҳәеит: «Сара ауаа ӡылоуп ишӡаасхуа, аха шәыбжьара дыҟоуп ишәзымдыруа, 27 сышьҭахь ааира иаҿу аӡәы, сара уи иеимаа аԥыртларагьы саԥсаӡам». 28 Абри зегь ҟалеит Вифа́ниа, Иоанн ауаа аӡы иахьӡааихуаз Иордан нырцә.
29 Адырҩаҽны Иоанн иара иахь иаауаз Иисус даниба, ус иҳәеит: «Абар адунеи агәнаҳа ахыхны изго Анцәа Исыс! 30 Уи абас ззысҳәаз иоуп: „Сышьҭахь сара саасҭа еиҳахаз ааира даҿуп, избанзар уи сара саԥхьагьы дыҟан“. 31 Сара уи дсыздырӡомызт, аха ауаа ӡыла иӡаасхларц сзааз уи Израиль дадырырц азоуп». 32 Иоанн шаҳаҭра уа, иара убас иҳәон: «Сара избеит ажәҩан аҟынтә Анцәа идоуҳа аҳәыҳә аԥшра аманы ишылбааз, насгьы иара иҿы ишынхаз. 33 Сара уи дсыздырӡомызт, аха ауаа ӡыла иӡаасхларц азы саазышьҭыз ус сеиҳәеит: „Уара адоуҳа убоит, уи захь илбаауа, зҿы иаанхо иоуп иԥшьоу адоуҳала ауаа ӡаазхуа“. 34 Сара уи збеит, шаҳаҭрагьы зуеит уи Анцәа Иԥа шиакәу».
35 Адырхаҽны Иоанн ҩыџьа иҵаҩцәа иманы еиҭах уа дангылаз, 36 Иисус дшаауаз ибан, иҳәеит: «Абар Анцәа Исыс!» 37 Аҵаҩцәа рҩыџьагьы ари анраҳа, Иисус ишьҭаланы ицеит. 38 Иисус данхьаԥш, урҭ ишьҭаланы ишцоз ибан, ус реиҳәеит: «Шәзышьҭои?» Дара ус рҳәеит: «Равви́ (иаанагоит «арҵаҩы»), уабаангылеи?» 39 Иара иҳәеит: «Шәаала, шәхаҭа ижәбап». Асааҭ 4 раҟара* ыҟан. Даргьы цан, дахьаангылаз рбеит, ихәлаанӡагьы иара иҿы иҟан. 40 Иоанн ииҳәаз заҳаз, насгьы Иисус ишьҭаланы ицаз урҭ ҩыџьа аҵаҩцәа дыруаӡәкын Андреи, Си́мон Пиотр иашьа. 41 Иара иаразнак иашьа Си́мон диԥшаан, ус иеиҳәеит: «Ҳара Месси́а (бырзен бызшәала Христос*) даҳбеит», 42 нас диманы Иисус иахь днеит. Иисус Си́мон днаихәаԥшын, ус иҳәеит: «Иоанн иԥа Си́мон, уажәшьҭарнахыс уара Ки́фа (бырзен бызшәала Пиотр) ҳәа уарҳәалоит».
43 Анаҩстәи амш аҽны Иисус Галилеиаҟа дцарц иӡбеит. Амҩан иара Филипп дибан, ус иеиҳәеит: «Усышьҭаланы уаала». 44 Филипп Андреии Пиотри ахьааӡаз ақалақь Вифсаи́да датәын. 45 Иара Нафанаи́л иахь дцан, ус иеиҳәеит: «Ҳара Моисеи изакәан аҿи аԥааимбарцәа рышәҟәқәа рҿи зыӡбахә ану Иосиф иԥа, Назарет иатәу Иисус, даҳбеит». 46 Аха Нафанаи́л иҳәеит: «Назарет иатәу ибзиоу ҳәа акрыҟоума?» — «Уаала, ухаҭа иубап», — иҳәеит Филипп. 47 Иисус иара иахь иаауаз Нафанаи́л даниба, ус иҳәеит: «Абар, Израиль иатәыҵәҟьоу, гызмалра злам ауаҩы». 48 «Сабоудыруеи?» — дҵааит Нафанаи́л. Иисус иҳәеит: «Филипп арахь уааигаанӡагьы алаҳа амҵан узбахьан». 49 Усҟан Нафанаи́л иҳәеит: «Арҵаҩы*, уара Анцәа Иԥа уоуп, израильаа Раҳ уоуп». 50 Аха Иисус иҳәеит: «Алаҳа амҵан узбеит ҳәа ахьуасҳәаз азоума сыгәра зугаз? Уи аиҳагьы убараны уҟоуп». 51 Иара убас иҳәеит: «Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: шәара ижәбараны шәыҟоуп иаарту ажәҩани ауаҩытәыҩса Иԥа иахь илбаауа, насгьы хыхь ихало Анцәа имаалықьцәеи».
2 Ҩымш рышьҭахь галилеиатәи Ка́на ачара ыҟан. Иисус иангьы уа дыҟан. 2 Иисусгьы иҵаҩцәагьы уи ачара раҳәан.
3 Аҩы анҵәара ианалага, Иисус иан ус иалҳәеит: «Рҩы нҵәеит». 4 Аха Иисус ус леиҳәеит: «Аԥҳәыс*, бареи сареи уи хьаас изҳамазар акәзеи? Саамҭа макьана имааиӡацт». 5 Лара амаҵуцәа ус ралҳәеит: «Ишәеиҳәо зегь ҟашәҵа». 6 Аҽрыцқьара иадҳәалоу аиудеиаа рыԥҟарақәа инарықәыршәаны, уа аӡы зҭарҭәоз ахаҳә иалхыз ф-ҳаԥшьак гылан, рыцыԥхьаӡа 44 литра ма 66 литра раҟара ркуан*. 7 Иисус амаҵуцәа ус реиҳәеит: «Аҳаԥшьақәа аӡы рҭашәҭәа». Даргьы урҭ хыхәхәо идырҭәит. 8 Нас ус реиҳәеит: «Уажәшьҭа маҷк ахыхны, ачара ахылаԥшҩы изнажәг». Убас иагьыҟарҵеит. 9 Ачара ахылаԥшҩы аҩы злырхыз аӡы агьама аниба (иара аҩы ахьынтәиааргаз издырӡомызт, уи здыруаз аӡы ҭазҭәаз амаҵуцәа ракәын), ԥҳәыс даазгаз диԥхьан, 10 ус иеиҳәеит: «Раԥхьа асасцәа аҩы бзиа ауп ирзықәдыргыло, рқьаф анҭарҵалак, еицәоу рзықәдыргылоит. Зегь ус ауп ишыҟарҵо. Уара уакәзар, аҩы бзиа уажәоуп ианцәыруго». 11 Убас галилеиатәи Ка́на Иисус раԥхьатәи иџьашьахәы ҟаиҵеит. Убасала имаз амч ааирԥшит, иҵаҩцәагьы игәра ргеит.
12 Уи ашьҭахь Иисуси, иани, иашьцәеи, иҵаҩцәеи Капернау́мҟа ицеит, аха уа акыраамҭа инымхаӡеит.
13 Аиудеиаа иазгәарҭоз Мшаԥныҳәа ааигәахон, убри аҟынтә Иисус Иерусалимҟа дцеит. 14 Аныҳәарҭаҿы иара ибеит ацәқәеи, ауасақәеи, аҳәыҳәқәеи зҭиуаз, иара убас аԥара зыԥсахуаз ауаа. 15 Усҟан ашаха иалхны аҟамчы ҟаиҵан, ауасақәагьы, ацәқәагьы, урҭ зҭиуазгьы аныҳәарҭа идәылицеит, насгьы аԥара зыԥсахуаз рԥарақәа каиԥсеит, рыстолқәа ааирҳәит. 16 Нас аҳәыҳәқәа зҭиуаз ус реиҳәеит: «Наҟ иқәыжәга ари! Саб иҩны ахәаахәҭратә ҩны* алышәхит!» 17 Усҟан иҵаҩцәа иргәалашәеит Аҩыра иану абарҭ ажәақәа: «Уҩны бзиа избоит*. Уи абзиабара сгәаҿы амца еиԥш еибакуп».
18 Усҟан аиудеиаа ус иарҳәеит: «Абас аҟаҵара азин шумоу шьақәурӷәӷәарц азы дыргак ҳарба». 19 Иисус ус реиҳәеит: «Ишәырбга ари аныҳәарҭа, сара хымш рыла уи еиҭашьақәсыргылоит». 20 Усҟан аиудеиаа иҿагылан, ус иарҳәеит: «Ари аныҳәарҭа 46 шықәса аргылара иаҿын, уара хымш рыла еиҭашьақәургылома?» 21 Иисус аныҳәарҭа ҳәа зыӡбахә имаз ицәеижь акәын. 22 Иисус иԥсы анҭала, иҵаҩцәа ииҳәаз урҭ ажәақәа ргәалашәеит, усҟан Аҩыра ианызгьы, иара ииҳәозгьы агәра ргеит.
23 Иисус Мшаԥныҳәазы Иерусалим даныҟаз, имаҷҩымкәа ауаа игәра ргеит*, избанзар иҟаиҵоз аџьашьахәқәа* рбеит. 24 Аха Иисус урҭ аҵыхәтәанынӡа рыгәра игаӡомызт, избанзар ибзианы идыруан, 25 насгьы абри ауаҩ абас дыҟоуп ҳәа иазҳәашаз аӡәгьы диҭахӡамызт, избанзар ихаҭа зегьы ргәаҭа ибон.
3 Дыҟан Никодим зыхьӡыз фарисеик. Иара аиудеиаа реиҳабацәа дыруаӡәкын. 2 Уи уахынла Иисус иахь даан, ус иҳәеит: «Арҵаҩы*, ҳара иаҳдыруеит уара Анцәа иааишьҭыз арҵаҩы шуакәу, избанзар иҟауҵо аџьашьахәқәа аӡәгьы изыҟаҵаӡом, Анцәа уи дицымзар». 3 Иисус уи ус иеиҳәеит: «Аиашаҵәҟьа уасҳәоит: ҿыц* имиуа Анцәа Иаҳра ибараны дыҟаӡам». 4 Усҟан Никодим иҳәеит: «Ауаҩы дажәхьазар, ҿыц дызлаиуеи? Дызлаиуеи ҽазнык иан лымгәарҭа дҭаланы?» 5 Иисус иҳәеит: «Агәра ганы уҟаз: аӡи адоуҳаи рҟынтә имиуа Анцәа Иаҳрахь днеираны дыҟаӡам. 6 Ацәеижь аҟынтә ииуа ацәеижь ауп, адоуҳа аҟынтә ииуа адоуҳа ауп. 7 „Ҿыц шәироуп“ ҳәа ахьысҳәаз џьоумшьан. 8 Аԥша иахьаҭаху иасуеит. Уара уи абжьы уаҳауеит, аха иахьынтәиаауа уздырӡом, иахьцогьы уздырӡом. Убасоуп адоуҳа аҟынтә ииуагьы».
9 Никодим ус иҳәеит: «Ҟалашьас иамоузеи уи?» 10 Иисус иҳәеит: «Уара израильаа рырҵаҩ уами? Абри шԥоузымдыруеи? 11 Аиаша уасҳәоит: ҳара иаҳдыруа ауп иаҳҳәо, ҳаззышаҳаҭуагьы иаҳбаз ауп, аха шәара ҳашаҳаҭра шәыдышәкылаӡом. 12 Адгьыл аҿы иҟоу атәы аншәзеиҭасҳәо, исҳәо агәра шәымгозар, ажәҩан аҿы иҟоу атәы шәзеиҭасҳәар, агәра злажәгои? 13 Ауаа рҟынтә ажәҩан ахь аӡәымзар-аӡәгьы дхамлаӡацт, ажәҩан аҟынтә илбааз ауаҩытәыҩса Иԥа ида. 14 Моисеи ацәҳәыраҿы амаҭ ҳаракны ишышьҭихыз еиԥш, ауаҩытәыҩса Иԥагьы дышьҭыхзар* ауп, 15 иара дхазҵо дарбанзаалак наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоурц азы.
16 Анцәа адунеи убриаҟара бзиа ибеит, Иԥазаҵәгьы димеигӡакәа ауаа дриҭеит, уи дхазҵо* дарбанзаалак дҭамхарц азы, наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоурц азы. 17 Анцәа Иԥа адунеи ахь дзааишьҭыз адунеи дақәыӡбарц азы акәӡам, иара ила адунеи еиқәхарц азоуп. 18 Аԥа дхазҵо ахара идлаӡом, дхазымҵо — ахара идлахьеит, избанзар уи Анцәа Иԥазаҵә дхаимҵаӡеит*. 19 Адунеи ахь алашара ааит, аха ауаа алашара акәымкәа, алашьцара бзиа ирбеит, избанзар ацәгьара ҟарҵон. Убри азоуп ахара зрыдлогьы. 20 Аус цәгьақәа ҟазҵо алашара ицәымӷуп. Иара алашарахь днеиӡом, иус цәгьақәа маатырц азы. 21 Ииашаны зхы мҩаԥызго алашарахь днеиуеит, иусқәа Анцәа игәы ишақәшәо убарҭахарц азы».
22 Уи ашьҭахь Иисус иҵаҩцәа иманы иудеиатәи ақыҭақәа рахь дцеит. Уа ԥыҭраамҭак урҭ дрыцын, ауаагьы аӡы иӡааихуан. 23 Иоаннгьы Ено́н, Сали́м азааигәара, ауаа аӡы иӡааихуан, избанзар уа аӡы рацәан. Ауаагьы иара иахь инеины, аӡы рыҽӡаархуан. 24 Усҟан Иоанн абахҭа дҭарымкӡацызт.
25 Иоанн иҵаҩцәеи аиудеиаа иреиуаз хаҵаки аҽрыцқьара аҵыхәала аимак рыбжьалеит, 26 убри аҟынтә дара Иоанн иахь инеин, ус иарҳәеит: «Арҵаҩы*, Иордан нырцә иуцыз, уззышаҳаҭуаз, ауаа аӡы иӡааихуеит, зегьы иара иахь ауп иахьцо». 27 Иоанн иҳәеит: «Ауаҩы ак имазар, уи ажәҩан аҟынтә иоуз ауп. 28 Шәара шәхаҭагьы ишьақәшәырӷәӷәар шәылшоит абас шысҳәаз: „Сара Христос сакәӡам, иара иаԥхьа иаашьҭыз соуп“. 29 Аҭаца дызтәу дызҳәаз иоуп. Амаҳәҩыза уи данивагыло, ибжьгьы аниаҳауа, даараӡа дгәырӷьоит. Убас еиԥш саргьы сгәырӷьара ҳәаак амам. 30 Христос деизҳалароуп, сара сеиҵахалароуп».
31 Хыхьынтәи иаауа зегьы дреиҳауп. Адгьыл иатәу зыӡбахә иҳәо адгьыл иатәу ауп, избанзар адгьыл далхуп. Ажәҩан аҟынтә иаауа зегьы дреиҳауп. 32 Иара дыззышаҳаҭуа иибази иаҳази ауп, аха ишаҳаҭра аӡәгьы идикылаӡом. 33 Ишаҳаҭра здызкыло — Анцәа аиаша шиҳәо шьақәирӷәӷәоит*. 34 Анцәа иааишьҭыз ииҳәо Анцәа иажәақәа роуп, избанзар Анцәа дамеигӡакәа* идоуҳа уиҭоит. 35 Аб Иԥа бзиа дибоит. Иара зегьы Иԥа инапы ианиҵеит. 36 Аԥа дхазҵо наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоуеит. Аԥа иҳәатәы иазымӡырҩуа аԥсҭазаара ибараны дыҟаӡам, Анцәа уи игәы изыԥжәалоит.
4 Афарисеицәа ираҳаит Иисус Иоанн иаасҭа аҵаҩцәа имоуп ҳәа, Иоанн иаасҭагьы еиҳаны ауаа аӡы иӡааихуеит ҳәа, 2 иӡаазхуаз Иисус ихаҭа шиакәмызгьы, уи ҟазҵоз иҵаҩцәа ракәын. 3 Иҳақәиҭу уи аниаҳа, Иудеиа далҵын, еиҭа Галилеиаҟа дцеит. 4 Иара Сама́риа ала дцар акәын. 5 Ус иара самариатәи ақалақь Сиха́рьҟа днеит. Уи Иаков иҷкәын Иосиф ииҭаз адгьыл иазааигәан. 6 Уа Иаков иҵеџь ыҟан. Амҩа иаркараз Иисус аҵеџь азааигәара днатәеит. Шьыбжьонын*.
7 Уахь аӡы лтарц самариатәи ԥҳәыск днеит. Иисус уи ус леиҳәеит: «Аӡы сыржә». 8 (Иҵаҩцәа ицӡамызт. Дара фатәык аархәарц ақалақь ахь ицеит.) 9 Самариатәи уи аԥҳәыс ус диазҵааит: «Уара уауриаӡами? Сара, Сама́риа иатәу аԥҳәыс, аӡы сыржә ҳәа зласоуҳәеи?» (Ауриацәа самариаа ирацәажәаӡомызт.) 10 Иисус иҳәеит: «Анцәа ауаа ҳамҭас ириҭо бдыруазҭгьы, „аӡы сыржә“ ҳәа базҳәо дызусҭоугьы бдыруазҭгьы, бхаҭа аӡы биҭарц биҳәарын, иаргьы зыԥсы ҭоу аӡы биҭарын». 11 Лара ус иалҳәеит: «Ухаҵкы, уара аӡы злоуташагьы умаӡам, арахь аҵеџь ҵаулоуп, иузҭеи зыԥсы ҭоу уи аӡы? 12 Ари аҵеџь ҳазҭаз ҳабацәа раб Иаков иоуп. Уи аҵеџь аҟынтә ихаҭагьы, ихәыҷқәагьы, ирахәгьы аӡы ржәуан. Нас, уара Иаков иаасҭа уеиҳаума?» 13 Иисус ус леиҳәеит: «Ари аӡы зжәуа еиҭа аӡба дакуеит. 14 Аха сара исҭо аӡы зжәуа уаҳа ахаангьы аӡба дакӡом. Сара исҭо аӡы иҩныҵҟа ахьхьаҳәа иаауа наӡаӡатәи аԥсҭазаара узҭо аӡы ахьыҵыҵуа ӡыхьхоит». 15 Аԥҳәыс ус лҳәеит: «Ухаҵкы, исыҭ убри аӡы, уаҳа аӡба самкырц азы, аӡаагарагьы арахь смааларц азы».
16 Иара ус леиҳәеит: «Бцаны, бхаҵа дбыманы баа». 17 Аԥҳәыс илҳәеит: «Сара ахаҵа дсымаӡам». Иисус ус леиҳәеит: «Аиаша бҳәеит, ахаҵа дбымаӡам. 18 Бара хәынтә хаҵа бцахьан, уажәы ибымоугьы бхаҵа иакәӡам. Уа аиаша бҳәеит». 19 Аԥҳәыс ус иалҳәеит: «Ухаҵкы, излазбо ала, уара уԥааимбаруп. 20 Ҳабацәеи ҳабдуцәеи Анцәа абри ашьхаҿы имҵахырхәон, аха шәара ишәҳәоит Анцәа иахьимҵахырхәалатәу Иерусалим ауп ҳәа». 21 «Аԥҳәыс, аиаша басҳәоит, — иҳәеит Иисус, — иааиуеит аамҭа шәара Анцәа ари ашьхаҿгьы, Иерусалимгьы шәанимҵамхырхәало. 22 Шәара шәзымҵахырхәо ишәзымдыруа ауп, ҳара ҳзымҵахырхәо иаҳдыруа ауп, избанзар аиқәырхара злалаго ауриацәа рыла ауп. 23 Аха иааиуеит аамҭа, уи иагьааихьеит, Анцәа* ииашаны имҵахырхәо доуҳалеи ҵабырглеи ианимҵахырхәало, избанзар иара дзышьҭоу убас имҵахырхәо роуп. 24 Анцәа ддоуҳауп, убри аҟынтә иара имҵахырхәо доуҳалеи ҵабырглеи имҵахырхәалароуп». 25 Аԥҳәыс ус иалҳәеит: «Сара издыруеит Христос ҳәа изышьҭоу Месси́а даараны дшыҟоу. Уи данаалак, зегь ҳзеиҭеиҳәоит». 26 Иисус ус леиҳәеит: «Уи сара соуп, абыржәы ибацәажәо».
27 Убри аамҭазы иҵаҩцәа ааит. Дара Иисус аԥҳәыс дахьлацәажәоз џьаршьеит, аха «иуҭахуи?» ма «узлацәажәои?» ҳәа аӡәгьы дымҵааӡеит. 28 Аԥҳәыс лыԥҳал ааныжьны ақалақь ахь дцан, ауаа ус ралҳәеит: 29 «Шәаала. Иҟасҵахьаз зегь сазҳәаз дыжәбап. Уи Христос иакәымхари?» 30 Даргьы ақалақь иалҵын, Иисус иахь ицеит.
31 Уи аамҭазы аҵаҩцәа Иисус иҳәон: «Арҵаҩы*, акрыф». 32 Аха иара иҳәеит: «Сара исымоу афатә шәара ишәыздырӡом». 33 Усҟан аҵаҩцәа ус еибырҳәо иалагеит: «Иифаша ӡәыр изааигазма?» 34 Иисус ус реиҳәеит: «Сара фатәыс исымоу саазышьҭыз ииҭаху аҟаҵареи исыдиҵаз аус ахыркәшареи ауп. 35 Аҭагалара аҟынӡа ԥшьымз нхеит ҳәа шәымҳәаӡои? Сара ишәасҳәоит: шәхы шьҭыхны амхқәа шәырҭаԥшы, аҽаҩра ҟалахьеит*, аҭагалара иазхиоуп. 36 Аҭагалаҩ ихә изыршәахьеит, наӡаӡатәи аԥсҭазаара азгьы аҽаҩра аҭагалара даҿуп, убри аҟынтә алаҵаҩгьы аҭагалаҩгьы еицгәырӷьоит. 37 Ирҳәо иашоуп: „Аӡәы илеиҵоит, егьи иҭеигалоит“. 38 Сара илашәымҵаз аҭагалара шәсышьҭит. Илазҵоз даҽа шьоук роуп, шәара урҭ рџьабаа иаанагаз алҵшәа шәалахәхеит».
39 Уи ақалақь аҿы имаҷҩымкәа самариаа Иисус дхарҵеит, избанзар ираҳаит аԥҳәыс ишылҳәоз: «Иара иҟасҵахьаз зегь сеиҳәеит». 40 Убри аҟынтә самариаа иара иахь иаан, дара рҿы даангыларц иҳәеит. Иаргьы уа ҩымш дыҟан. 41 Иисус ииҳәоз анраҳа, дхазҵаз иҵегь еиҳахеит. 42 Дара уи аԥҳәыс ус ларҳәеит: «Уажәшьҭа дызхаҳҵо бара иӡбахә ахьҳабҳәаз азы акәӡам. Ҳара ҳхаҭа ииҳәо ҳлымҳақәа рыла иҳаҳаит. Уажәшьҭа иаҳдыруеит ари ауаҩ адунеи еиқәзырхо шиакәҵәҟьоу».
43 Ҩымш рышьҭахь иара уантәи Галилеиаҟа дцеит, 44 аԥааимбар итәылаҿы ҳаҭыр иқәырҵаӡом ҳәа ихаҭа ишиҳәозгьы. 45 Галилеиаҟа даннеи, галилеиаа гәырӷьаҵәа дрыдыркылеит, избанзар даргьы аныҳәа азгәарҭарц Иерусалим ианыҟаз, иҟаиҵаз зегь рбеит.
46 Иисус аӡы аҩы ахьалихыз галилеиатәи Ка́наҟа еиҭа дцеит. Капернау́м дынхон аҳ иҿы аус зуаз чынуаҩык. Уи иҷкәын дычмазаҩны дышьҭан. 47 Иара Иисус Иудеиантәи Галилеиаҟа дшыхынҳәыз аниаҳа, Иисус дахьыҟаз даан, диццарц иҳәара далагеит, аԥсра иаҿыз иҷкәын дихәышәтәырц азы. 48 Аха Иисус уи ус иеиҳәеит: «Аџьашьахәқәеи адыргақәеи жәбаанӡа агәра жәгараны шәыҟаӡам». 49 Аҳ ичынуаҩ ус иҳәеит: «Иҳақәиҭу, усыцаала, сыҷкәын дыԥсаанӡа уихьӡа». 50 Иисус иҳәеит: «Аҩныҟа уца, уҷкәын дыбзиахеит». Иаргьы Иисус игәра иган, дцеит. 51 Амҩан имаҵуцәа иԥылан, иҷкәын дшеиӷьхаз* иарҳәеит. 52 Уи шаҟа рзы иҟалеи ҳәа данразҵаа, дара ус рҳәеит: «Иацы асааҭ акы шыҟаз* ишоура тәеит». 53 Аб еиликааит Иисус уҷкәын дыбзиахеит ҳәа аниеиҳәаз асааҭ азы шакәыз уи аныҟалаз. Убас иҩнаҭа иатәызгьы иаргьы Иисус дхарҵеит. 54 Уи Иисус Иудеиантәи Галилеиаҟа данаа иҟаиҵаз аҩбатәи аџьашьахәы акәын.
5 Уи ашьҭахь Иисус Иерусалимҟа дцеит. Уа аиудеиаа аныҳәа азгәарҭон. 2 Иерусалим, Ауасақәа ргәашә ҳәа изышьҭоу агәашә азааигәара, ауриа бызшәала Бетза́та захьӡу хә-барҵак змоу аӡҭарчы-аҽыкәабарҭа ыҟоуп. Урҭ абарҵақәа рхыб агәашьақәа рыҵагылоуп. 3 Уа ачымазцәеи, алашәцәеи, ацыркьцәеи, зхы иамыхәози* шьҭан. Урҭ рхыԥхьаӡара даараӡа ирацәан. 4 ——* 5 Уа дыҟан 38 шықәса ичмазҩыз хаҵак. 6 Иисус идыруан уи акыршықәса дшычмазҩыз. Иара уи ахаҵа уа дшышьҭаз аниба, ус диазҵааит: «Убзиахарц уҭахума?» 7 «Ухаҵкы, аӡы аилашра ианалагалак, сӡаазҵо уаҩ дсымам, сара уа снеиаанӡа, даҽаӡәы саԥхьа дҭалоит», — иҳәеит иара. 8 Иисус уи ус иеиҳәеит: «Угыл, узықәиоу* аашьҭыхны, аныҟәара уалага». 9 Уи ауаҩ иаразнак дыбзиахеит, дзықәиазгьы аашьҭихын, аныҟәара далагеит.
Уи аҽны сабшан, 10 убри аҟынтә аиудеиаа Иисус иихәышәтәыз уи ауаҩ ус иарҳәеит: «Иахьа сабшоуп, уцәарҭа уаҵалар ҟалаӡом». 11 Аха иара ус реиҳәеит: «Сызхәышәтәыз „узықәиоу аашьҭыхны, аныҟәара уалага“ ҳәа сеиҳәеит». 12 Дара иазҵааит: «Иуазҳәада „узықәиоу аашьҭыхны, аныҟәара уалага“ ҳәа?» 13 Аха уи ахаҵа дызхәышәтәыз дызусҭоу издырӡомызт, избанзар Иисус ажәлар иҽрылаирӡит.
14 Ԥыҭрак ашьҭахь Иисус уи ахаҵа аныҳәарҭаҿы дибан, ус иеиҳәеит: «Уажәшьҭа убзиахеит. Уаҳа агәнаҳа ҟаумҵан, еицәоу ак умыхьырц азы». 15 Усҟан уи ахаҵа аиудеиаа рахь дцан, дызхәышәтәыз Иисус шиакәу реиҳәеит. 16 Даргьы Иисус сабшала ауаа ахьихәышәтәуаз азы ишьҭашәарыцара иалагеит. 17 Иара ус реиҳәеит: «Саб уажәгьы аус иуеит, саргьы аус зуеит». 18 Уи ашьҭахь аиудеиаа еиҳагьы рҽазҵәылхны Иисус ишьра иашьҭалеит, избанзар асабша аилагара адагьы, Анцәа Саб иоуп ҳәа ҳәо, иҽиаҟареитәуеит ҳәа рыԥхьаӡон.
19 Аха Иисус ус реиҳәеит: «Агәра ганы шәыҟаз: Аԥа ихала акгьы ҟаиҵаӡом, Иаб иҟаиҵоны иибо ауп иҟаиҵо. Аб иҟаиҵо ауп Аԥагьы иҟаиҵо, Аб ишыҟаиҵо ауп ишыҟаиҵогьы. 20 Аб Иԥа бзиа дибоит, иҟаиҵогьы зегь иирбоит, еиҳау аусқәагьы иирбараны дыҟоуп, шәара иџьашәшьаларц азы. 21 Аб аԥсцәа рыԥсы шҭеиҵо еиԥш, Аԥагьы изиҭаху аԥсҭазаара риҭоит. 22 Аб аӡәгьы диқәыӡбаӡом, иара уи аус Иԥа инапы ианиҵеит, 23 зегьы Аб ҳаҭыр шиқәырҵо еиԥш, Аԥагьы ҳаҭыр иқәырҵаларц азы. Аԥа ҳаҭыр иқәзымҵо, уи даазышьҭыз Абгьы ҳаҭыр иқәиҵаӡом. 24 Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: сажәа заҳауа, насгьы саазышьҭыз игәра зго аӡбара дацәцоит, наӡаӡатәи аԥсҭазаарагьы иоуеит. Ус еиԥш иҟоу ауаҩы аԥсра аҟынтә аԥсҭазаарахь диасит.
25 Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: иааиуеит аамҭа, уи иагьааихьеит, аԥсцәа Анцәа Иԥа ибжьы анраҳауа, уи ииҳәо иацныҟәогьы рыԥсы ҭазаауеит. 26 Избанзар Аб аԥсҭазаара дшахыҵхырҭоу еиԥш*, Иԥагьы аԥсҭазаара дахыҵхырҭахарц азы алшара ииҭеит. 27 Аб уи зегьы рус иӡбаларц азы амчра ииҭеит, избанзар уи ауаҩытәыҩса Иԥа иоуп. 28 Уи џьашәымшьан, избанзар иааиуеит аамҭа анышә иамоу* зегьы иара ибжьы раҳаны, 29 рыԥсы анҭало. Абзиара ҟазҵоз наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуеит, ацәгьара ҟазҵоз рус ӡбахоит. 30 Сара схала акгьы ҟасҵаӡом, Саб ишсеиҳәо еиԥш ауп ауаа рус шысыӡбо, сыӡбарагьы иашоуп, избанзар сара исҭаху акәӡам иҟасҵо, саазышьҭыз ииҭаху ауп.
31 Сара сымацара схы сазышаҳаҭуазҭгьы, сышаҳаҭра иашахомызт. 32 Сара исзышаҳаҭуа даҽаӡә дыҟоуп, издыруеит уи ишаҳаҭра шиашоу. 33 Шәара ауаа Иоанн иахь ишәышьҭуан, иара сара дысзышаҳаҭуан, ииҳәозгьы иашан. 34 Сара ауаҩы ишаҳаҭра сҭахӡам, исҳәо зысҳәо шәеиқәхарц азоуп. 35 Иоанн ижжаӡа иаку алашарбага даҩызан. Шәара уи алашара шәалагәырӷьон, аха шәгәырӷьара хара имнеиӡеит, избанзар уаҳа алагәырӷьара шәҭахымхаӡеит. 36 Иоанн Саб сшааишьҭыз шаҳаҭра иуан, аха сара исымоуп Саб сшааишьҭыз еиҳагьы ишьақәзырӷәӷәо — уи иара исыдиҵаз, инасыгӡо аусқәа роуп. 37 Саазышьҭыз Саб сара дысзышаҳаҭуан. Шәара шәакәзар, уи ахаан ибжьы шәмаҳаӡацт, ихаҿсахьагьы шәымбаӡацт, 38 иажәагьы шәгәаҿы иҟаӡам, избанзар иааишьҭыз игәра жәгаӡом.
39 Шәара Аҩыра инҭырҳәыцааны иҭышәҵаауеит, избанзар Аҩыра абзоурала наӡаӡатәи аԥсҭазаара шәоуеит ҳәа шәгәы иаанагоит, арахь иара сара исзышаҳаҭуеит. 40 Аха шәара ишәҭахӡам аԥсҭазаара шәоурц азы сара сахь ааира. 41 Сара ауаа сдырҽхәалар сҭахӡам, 42 аха издыруеит шәара Анцәа бзиа дшышәымбо. 43 Сара Саб ихьӡала сааит, аха шәара сшәыдышәкылаӡом. Аӡәы ихы ахьӡала даазҭгьы, уи дшәыдышәкылон. 44 Сыгәра злажәгои, аӡәи-аӡәи шәанеибарҽхәо шәгәаԥхозар, арахь Анцәа шәирҽхәаларц азы игәы аҟаҵара шәашьҭамзар? 45 Шәгәы иаанамган Саб иҿаԥхьа ахара шәыдысҵоит ҳәа, гәыӷырҭас ишәымоу Моисеи иоуп ахара шәыдызҵо. 46 Моисеи игәра жәгозҭгьы, саргьы сыгәра жәгон, избанзар иара сыӡбахә иҩуан. 47 Аха иара ииҩыз агәра шәымгозар, сара исҳәо агәра злажәгои?»
6 Уи ашьҭахь Иисус Галилеиатәи амшын нырцәтәи аҟәарахьы дцеит. Уи амшын Тивериадатәи амшын ҳәагьы иашьҭан. 2 Иара жәларык ауаа ишьҭан, избанзар џьашьахәыла ачымазцәа шихәышәтәуаз рбон. 3 Иисус иҵаҩцәеи иареи ахәы инхалан, уа инатәеит. 4 Аиудеиаа иазгәарҭоз Мшаԥныҳәа ааигәахон. 5 Иисус жәларык ауаа иара иахь анеира ишаҿу аниба, Филипп ус диазҵааит: «Ирҿаҳҵаша ача абааҳхәари?» 6 Иара иҟаиҵаша иӡбахьан, аха дызҵааз Филипп игәы иҭаз еиликаарц азоуп. 7 Филипп иҳәеит: «200 динар* рыхә ача ааҳхәаргьы, хәыҷык-хәыҷык иадамхаргьы, зегьы ирызхаша ача ҳзаахәаӡом». 8 Егьи аҵаҩы, Си́мон Пиотр иашьа Андреи, ус иҳәеит: 9 «Ара ҷкәына хәыҷык ачаԥшь иалху хә-чаки ҩ-ԥсыӡки имоуп, аха жәларык рзы уи акраанагома?»
10 Иисус иҳәеит: «Зегь тәааит». Уа аҳаскьын рацәан азы, зегь ашьацра илатәеит. Ахацәа рымацара 5 000-ҩык раҟара ыҟан. 11 Иисус ача аашьҭихын, Анцәа иҭабуп ҳәа иеиҳәан, ишаны ауаа ириҭеит. Аԥсыӡгьы убас азиуит. Дасу шаҟа иҭахыз иоуит. 12 Ауаа рызхара анырфа, иҵаҩцәа ус реиҳәеит: «Иаанхаз зегь еизыжәга, акгьы ԥхасҭамхарц азы». 13 Хә-чак рҟынтә иаанхаз анеизырга, 12 каҵкәыр ҟалеит.
14 Иисус иҟаиҵаз аџьашьахәы анырба, ауаа абас аҳәара иалагеит: «Ииашаҵәҟьаны ари ауаҩ адунеи ахь иаараны иҟаз аԥааимбар иоуп». 15 Иисус урҭ мчыла аҳас дҟарҵарц шырҭаху идыруан азы, еиҭа ахәахьы дхалеит, ихала дыҟазарц азы.
16 Ахәылбыҽха иҵаҩцәа амшын ахь илбаан, 17 анышь иақәтәаны, нырцәҟа, Капернау́мҟа, идәықәлеит. Ихәлахьан, аха Иисус дара рахь дыхнымҳәӡацызт. 18 Амшын ишхыз аԥша цәгьа шьҭыҵын, амшын ӷәӷәала ицәқәырԥо иалагеит. 19 Хәба-фба километра* ианнеихьаз, анышь ахь зхы рханы, аӡы иқәгыланы иаауаз Иисус дырбеит, даараӡагьы ишәеит. 20 Аха иара ус реиҳәеит: «Шәымшәан! Сара соуп». 21 Усҟан игәырӷьаҵәа анышь дақәдыртәеит, хара имгакәагьы рхы ахьхаз аԥшаҳәа инадгылеит.
22 Адырҩаҽны нырцә иаанхаз ажәлар ирбеит амшын аԥшаҳәаҿы нышькгьы шыҟамыз. Уаанӡа уа нышь хәыҷык ыҟан. Аха Иисус иҵаҩцәа уи анышь иақәтәаны ианцоз, иара дрыцымцаӡеит, дара рхала ицеит. 23 Убри аамҭазы Тивериа́дантәи иааз анышьқәа ӡыхгылеит. Урҭ ахьӡыхгылаз Иҳақәиҭу Иисус Анцәа иҭабуп ҳәа аниеиҳәа ашьҭахь ауаа ача ахьырфаз аҭыԥ азааигәара ауп. 24 Ажәлар Иисусгьы иҵаҩцәагьы уа ишыҟамыз анырба, анышьқәа ирықәтәан, Иисус дрыԥшаарц азы Капернау́мҟа ицеит.
25 Нырцә данырыԥшаа, ус иазҵааит: «Арҵаҩы*, уанбааи арахь?» 26 Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: шәызсышьҭоу аџьашьахәқәа ахьыжәбаз азы акәӡам, ача ахьышәфаз, шәызхарагьы ахьыҟалаз азоуп. 27 Ибжьысуа афатә азы акәымкәа, наӡаӡатәи аԥсҭазаара узҭо ибжьымсуа афатә азы аџьабаа жәбала. Уи аҩыза афатә ауаҩытәыҩса Иԥа ишәиҭоит, избанзар Аб, Анцәа ихаҭа, иара уи азы амчра ииҭеит*».
28 Дара ус иазҵааит: «Иҟаҳҵар акәзеи Анцәа даҳзыразхарц азы?» 29 Иисус иҳәеит: «Анцәа иҭахуп иааишьҭыз игәра жәгаларц». 30 Дара ус иарҳәеит: «Иарбан џьашьахәу* иаҳурбо, угәра ҳгарц азы? Иҟауҵои? 31 Ҳабацәа ацәҳәыраҿы аманна рфон. Аҩыраҿы иануп „иара урҭ ажәҩан аҟынтә ача риҭеит“ ҳәа». 32 Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: Моисеи ажәҩан аҟынтә ииашаҵәҟьоу ача шәимҭаӡеит, аха Саб уажәы уи шәиҭоит, 33 избанзар Анцәа ича — ажәҩан аҟынтә илбааз, адунеи аԥсҭазаара азҭо иоуп». 34 Дара ирҳәеит: «Иҳақәиҭу, еснагь уи ача ҳаҭала».
35 Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Сара аԥсҭазаара ача соуп. Сара сахь иааиуа ахаангьы амла дакӡом, схазҵогьы ахаан аӡба дакӡом. 36 Аха ишшәасҳәахьоу еиԥш, сшыжәбогьы сыгәра жәгаӡом. 37 Саб исиҭо зегьы сара сахь иааиуеит, сара сахь иааиуа ахаангьы дыԥхасҵаӡом, 38 избанзар ажәҩан аҟынтә сзылбааз сара исҭаху ҟасҵаларц азы акәӡам, саазышьҭыз ииҭаху ҟасҵаларц азоуп. 39 Иара ииҭаху исиҭаз рҟынтә аӡәымзар-аӡәы дысцәымӡкәа, аҵыхәтәантәи амш аҽны рыԥсы ҭасҵарц ауп. 40 Аб ииҭаху Аԥа дыздызкыло, насгьы уи дхазҵо дарбанзаалак наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоурц ауп. Саргьы аҵыхәтәантәи амш аҽны уи иԥсы ҭасҵоит».
41 Иисус «сара ажәҩан аҟынтә илбааз ача соуп» ҳәа ахьиҳәаз азы аиудеиаа амырмырра иалагеит. 42 Дара ирҳәон: «Ари Иосиф иԥа Иисус иакәӡами? Иангьы иабгьы ҳдыруеит. „Сара ажәҩан аҟынтә сааит“ ҳәа шԥеиҳәо?» 43 Иисус ус реиҳәеит: «Амырмырра шәаҟәыҵ. 44 Аӡәымзар-аӡәгьы сара сахь дзааиӡом, саазышьҭыз Саб уи дааимгар. Саргьы аҵыхәтәантәи амш аҽны уи иԥсы ҭасҵоит. 45 Аԥааимбарцәа ирыҩуан: „Дара зегьы Иегова* аҵара дирҵалоит“. Саб изыӡырҩуа, иара иҿы аҵара зҵо дарбанзаалак сара сахь дааиуеит. 46 Ауаа рҟынтә аӡәымзар-аӡәгьы Аб димбаӡацт, уи дызбахьоу Анцәа иҟынтә иааз заҵәык иоуп. 47 Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: сыгәра зго наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоуеит.
48 Сара аԥсҭазаара ача соуп. 49 Шәабацәа ацәҳәыраҿы аманна рфон, аха уеизгьы иԥсит. 50 Ажәҩан аҟынтә илбааз ача зфо дыԥсӡом. 51 Сара ажәҩан аҟынтә илбааз, зыԥсы ҭоу ача соуп. Уи ача зфо дарбанзаалак наӡаӡа дынхалоит. Уи ача сцәеижь ауп. Сара уи ауаатәыҩса* нхаларц азы ирыхҭнысҵоит».
52 Усҟан аиудеиаа ажәеимакра иалагеит. Дара ирҳәон: «Ицәеижь злаҳаиҭои, иаҳфарц азы?» 53 Аха Иисус ус реиҳәеит: «Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит, ауаҩытәыҩса Иԥа ицәеижь шәымфозар, ишьа шәымжәуазар, аԥсҭазаара шәоураны шәыҟаӡам*. 54 Сцәеижь зфо, сшьагьы зжәуа наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоуеит, аҵыхәтәантәи амш аҽынгьы иԥсы ҭасҵоит. 55 Сцәеижь ииашаҵәҟьоу фатәуп, сшьагьы ииашаҵәҟьоу рыжәтәуп. 56 Сцәеижь зфои, сшьагьы зжәуеи, сареи аӡәк иеиԥш ҳаҟоуп. 57 Саазышьҭыз, зыԥсы ҭоу Саб ибзоурала сыԥсы шҭоу еиԥш, сцәеижь зфогьы сыбзоурала иԥсы ҭазаауеит. 58 Абар ажәҩан аҟынтә илбааз ача. Уи шәабацәа ирфоз ача иеиԥшӡам. Дара уи ача рфон, аха уеизгьы иԥсит. Ари ача зфо наӡаӡа дынхалоит». 59 Иара арҭ ажәақәа иҳәеит, капернаумтәи асинагогаҿы* ауаа Анцәа иажәа андирҵоз.
60 Ари заҳаз иҵаҩцәа жәпаҩык ус рҳәеит: «Ииҳәо закәи уара ари? Ииҳәо уазыӡырҩыртә иҟоума?» 61 Иисус идыруан иҵаҩцәа ииҳәаз иахҟьаны ишымырмыруаз, убри аҟынтә ус реиҳәеит: «Исҳәаз убриаҟара шәгәы иалсма? 62 Ауаҩытәыҩса Иԥа уаанӡа дахьыҟаз дышхало жәбар, иҟашәҵои? 63 Аԥсҭазаара узҭо адоуҳа заҵәык ауп, ацәеижь хәарҭарак аланы иҟаӡам. Сара ишәасҳәаз ажәақәа — адоуҳаи аԥсҭазаареи роуп. 64 Аха шәыбжьара ахаҵара змамгьы ыҟоуп». Иисус аханатә идыруан дхазымҵо зусҭцәаз, дызҭиуагьы дызусҭаз. 65 Иисус иациҵеит: «Убри азоуп сара изшәасҳәоз Саб иҭахымхар, аӡәгьы сара сахь дзааиӡом ҳәа».
66 Уи ашьҭахь Иисус иҵаҩцәа жәпаҩык уаанӡа изҿыз русқәа рахь ихынҳәит, уаҳагьы Иисус ицӡамызт. 67 Усҟан иара 12-ҩык дразҵааит: «Шәаргьы шәцар шәҭахызар?» 68 Си́мон Пиотр ус иҳәеит: «Иҳақәиҭу, захь ҳцода? Уара уажәақәа роуп наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳазҭо. 69 Ҳара угәра ҳгеит, иаҳдыруеит Анцәа иааишьҭыз Иԥшьоу шуакәу». 70 Иисус иҳәеит: «Сара сакәӡами 12-ҩык шәалызхыз? Аха шәуаӡәк дымцҳәаҩуп*». 71 Иара зыӡбахә имаз Си́мон Искарио́т иԥа Иуда иакәын. Уи 12-ҩык дшыруаӡәкызгьы, ԥыҭрак ашьҭахь Иисус диҭиит.
7 Уи ашьҭахь Иисус Галилеиа даангылеит. Иара Иудеиаҟа ацара иҭахӡамызт, избанзар аиудеиаа ишьра иашьҭан. 2 Иааигәахон аиудеиаа иазгәарҭоз Ақьалақәа рныҳәа. 3 Убри аҟынтә иашьцәа ус иарҳәеит: «Иудеиаҟа уца, егьырҭ уҵаҩцәагьы уусқәа рбарц азы. 4 Ауаҩы дырдырырц иҭахызар, иусқәа иҵәахӡом. Уара абри аҩыза аусқәа ҟауҵозар, адунеи ухы аумырбои!» 5 Иашьцәа ус рҳәеит, аха дара Иисус дхарҵаӡомызт. 6 Иисус ус реиҳәеит: «Саамҭа макьана имааиӡацт, шәара шәзы еснагь иаамҭоуп. 7 Ари адунеи шәзацәымыӷхаша ҳәа акгьы ыҟаӡам, сара сакәзар, уи сацәымӷуп, избанзар аус цәгьақәа шыҟанаҵо сҳәоит. 8 Аныҳәахь шәара шәца, сара макьана сцаӡом, избанзар саамҭа мааиӡацт». 9 Абас иҳәан, Галилеиа даангылеит.
10 Аха иашьцәа аныҳәахь ианца, иаргьы уахь дцеит, аха аргама акәымкәа, иҽӡаны ауп дышцаз. 11 Аныҳәаҿы аиудеиаа дабаҟоу ҳәа иҵаауа, иԥшаара иалагеит. 12 Ажәлар ицәыҵахәыҭхәыҭуа ихырҳәаауаз рацәан. Шьоукы: «Дуаҩ бзиоуп», — рҳәон. Егьырҭ: «Мамоу, уи ауаа ижьоит», — рҳәон. 13 Аха аиудеиаа* ирыцәшәаны аргама аӡәгьы иӡбахә иҳәаӡомызт.
14 Аныҳәа аԥшьбатәи амш ахь инеиуан еиԥш, Иисус аныҳәарҭахь днеин, ауаа Анцәа иажәа дырҵара далагеит. 15 Аиудеиаа иџьашьаны ирҳәон: «Џьаргьы* аҵара зымҵоз Аҩыра абас ибзианы излеидыруеи?» 16 Иисус ус реиҳәеит: «Ауаа идсырҵо сара истәӡам, саазышьҭыз итәоуп. 17 Уи ииҭаху аҟаҵара зҭаху еиликаараны дыҟоуп ауаа идсырҵо Анцәа иҟынтә акәу, сара схаҭа сгәы иаанаго акәу. 18 Аӡәы ихатә гәаанагара акәзар ииҳәо, ахьӡ-аԥша ихазоуп дзашьҭоу, даазышьҭыз изы ахьӡ-аԥша дашьҭазар, уи ииҳәо иашоуп, мыцра илаӡам. 19 Моисеи азакәан шәиҭеит, ус ами? Аха аӡәгьы уи азакәан шәықәныҟәаӡом. Нас, сышьра шәзашьҭои?» 20 Ажәлар ус рҳәеит: «Адемон духоума, уара? Ушьра иашьҭада?» 21 Иисус ус реиҳәеит: «Сара џьашьахәык ауп асабшаҽны иҟасҵаз, шәара уи џьашәшьоит. 22 Шәазхәыц абри: Моисеи аԥхьатәхсара иазку азакәан шәиҭеит (уи ахьынтәиаауа Моисеи иҟынтә шакәымгьы, уи иабацәа рабацәа рҟынтә ауп ишаауа), шәара уи азакәан асабшаҽныгьы шәықәныҟәоит. 23 Моисеи изакәан еиларымгарц азы асабшаҽны ауаҩы иаԥхьатә хырсозар, асабшаҽны ауаҩы дахьысхәышәтәыз абриаҟара шәгәы зыԥнажәеи, нас? 24 Ижәбо ала шәмыӡбалан, ииашаны шәыӡбала».
25 Иерусалим инхоз шьоукы ус аҳәара иалагеит: «Ари ауаҩ зышьра иашьҭоу иакәӡами? 26 Иара зегьы дшырбо ауаа драцәажәоит, аха аӡәгьы акгьы иеиҳәаӡом. Аиҳабацәа Христос шиакәу агәра ргарызу? 27 Ҳара ари ауаҩ дахьатәиу ҳдыруеит. Христос данаалак, уи дахьатәиу здыруа ҳәа аӡәгьы дҟалаӡом». 28 Усҟан Иисус аныҳәарҭаҿы ауаа Анцәа иажәа андирҵоз аамҭазы, ибжьы ҭыганы ус иҳәеит: «Шәара сыжәдыруеит, сахьынтәиаазгьы жәдыруеит, сара схала иаԥшьганы смааӡеит. Саазышьҭыз дыҟаҵәҟьоуп, аха шәара уи дшәыздырӡом, 29 сара дыздыруеит, избанзар иара иҟынтә ауп сшааз, иара иоуп саазышьҭыз». 30 Усҟан дара дыркырц рҭаххеит, аха аӡәгьы уи изыҟамҵаӡеит, избанзар иаамҭа мааиӡацызт. 31 Аха дхазҵаз маҷмызт. Дара ирҳәон: «Христос данаалак, абри ауаҩ иаасҭа еиҳаны аџьашьахәқәа ҟаиҵома?»
32 Афарисеицәа ираҳаит ажәлар ихырҳәаауаз, убри аҟынтә аԥшьаҩ еиҳабацәеи афарисеицәеи аныҳәарҭа ахьчаҩцәа рышьҭит, дыркырц азы. 33 Иисус ажәлар ус реиҳәеит: «Даҽа ԥыҭраамҭак сшәыцзаауеит, нас саазышьҭыз иахь сцоит. 34 Шәара шәсышьҭазаауеит, аха сышәзыԥшааӡом, сара сахьцо шәара шәызнеиӡом». 35 Усҟан аиудеиаа абас еибырҳәо иалагеит: «Дахьаҳзымԥшаауа ҭыԥс иабыкәу дахьцо? Абырзенцәа иԥсаҟьаны ирыланхо ауриацәа рахь акәзар дцарц игәы иахьҭоу, ара ажәлар идирҵо абырзенцәагьы идирҵаларц азы? 36 Иаанагои ииҳәаз: „Шәара шәсышьҭазаауеит, аха сышәзыԥшааӡом, сара сахьцо шәара шәызнеиӡом?“»
37 Аҵыхәтәантәи амш аҽны, аныҳәа амш дуӡӡа аҽны, Иисус дҩагылан, ибжьы ҭыганы ус иҳәеит: «Аӡба иакуа сара сахь дааины аӡы ижәааит. 38 Сара схазҵо, Аҩыра ишану еиԥш, „игәаҵантәи зыԥсы ҭоу аӡы аӡиас еиԥш ахьхьаҳәа иаалоит“». 39 Иара зыӡбахә иҳәоз дхазҵаз ироураны иҟаз адоуҳа акәын. Усҟан дара адоуҳа рмоуӡацызт, избанзар Иисус макьана ахьӡ-аԥша имоуӡацызт. 40 Ажәлар ирылагылаз шьоукы ари анраҳа, ус рҳәеит: «Ари дԥааимбарҵәҟьоуп». 41 Даҽа шьоукы ирҳәон: «Ари Христос иоуп». Иҟан абас зҳәозгьы: «Христос Галилеиантәи аума дшаауа? 42 Аҩыраҿы ианӡами Христос Давид дихылҵуеит ҳәа, Давид дахьынхоз ақыҭа Вифлеем датәхоит ҳәа?» 43 Убас иара ихҟьаны, ажәлар рыбжьара аҳәоуеиқәымшәара ҟалеит. 44 Шьоукы уи дыркырц рҭаххеит, аха аӡәгьы уи изыҟамҵаӡеит.
45 Аныҳәарҭа ахьчаҩцәа хынҳәны аԥшьаҩ еиҳабацәеи афарисеицәеи рахь ианаа, аԥшьаҩ еиҳабацәеи афарисеицәеи «дзаашәымгеи?» ҳәа иҵааит. 46 Аныҳәарҭа ахьчаҩцәа ус рҳәеит: «Иара иеиԥш ахаан аӡәгьы дымцәажәацт». 47 Усҟан афарисеицәа ус рҳәеит: «Шәаргьы шәижьама, уара? 48 Аиҳабацәа ма афарисеицәа рҟынтә дхазҵаз аӡәыр дыҟоума? 49 Ииҳәо иазыӡырҩуа ари ажәлар азакәан рыздырӡом, урҭ шәиуп». 50 Уаанӡа Иисус иахь иаахьаз, ифарисеиз Никодим ус иҳәеит: 51 «Ҳзакәан ала ауаҩы ииҳәо уазымӡырҩӡакәа, иҟаиҵаз цқьа еилымкааӡакәа уиқәыӡбар ҟалома?» 52 Усҟан аԥшьаҩ еиҳабацәеи афарисеицәеи ус рҳәеит: «Уаргьы Галилеиа уатәума? Аҩыра ҭҵааи, нас иубап аԥааимбар Галилеиа датәызар алшоу-иалымшоу»*.
8 12 Иисус ажәлар рахь ихы рханы абас иҳәеит: «Сара адунеи азы слашароуп. Исышьҭаланы ицо ахаан алашьцараҿы дныҟәалаӡом, аԥсҭазаара алашара имазаауеит». 13 Афарисеицәа ус рҳәеит: «Уара ухы уазышаҳаҭуеит, убри аҟынтә ушаҳаҭра иашаӡам». 14 Иисус иҳәеит: «Сара схы сазышаҳаҭуазаргьы, сышаҳаҭра иашоуп, избанзар сара сахьынтәиаазгьы здыруеит, сахьцогьы здыруеит. Шәара шәакәзар, сахьынтәиаазгьы шәыздыруам, сахьцогьы шәыздыруам. 15 Шәара ауаҩытәыҩса ихәаԥшышьала* ауп ауаҩы шәышиқәыӡбо, сара сакәзар, аӡәгьы сиқәыӡбаӡом. 16 Сиқәыӡбозаргьы, сыӡбара иашоуп, избанзар сымацара сыҟаӡам, саазышьҭыз Сабгьы дсыцуп. 17 Шәзакәан аҿгьы иануп: „Ҩыџьа ашаҳаҭцәа ирҳәо иашоуп“. 18 Сара схы сазышаҳаҭуеит, саазышьҭыз Сабгьы сара дысзышаҳаҭуеит». 19 Усҟан дара иазҵааит: «Дабаҟоу Уаб?» Иисус иҳәеит: «Шәара саргьы сшәыздырӡом, Сабгьы дшәыздырӡом. Сыжәдыруазҭгьы, Сабгьы дыжәдыруазаарын». 20 Иара арҭ ажәақәа иҳәеит аныҳәарҭаҿы, ахазынаҭрақәа ахьыҟаз аҭыԥ аҿы, ауаа Анцәа иажәа андирҵоз. Аха аӡәгьы дыкны димгаӡеит, избанзар иаамҭа мааиӡацызт.
21 Иисус еиҭа ус реиҳәеит: «Сара сцоит. Шәара шәсышьҭазаауеит, аха уеизгьы шәыгәнаҳа шәшаҵоу шәыԥсуеит. Сара сахьцо шәара шәызнеиӡом». 22 Аиудеиаа ус аҳәара иалагеит: «Аҽшьра игәы иҭоума? „Сара сахьцо шәара шәызнеиӡом“ ҳәа зиҳәеи?» 23 Иара иациҵеит: «Шәара адгьыл шәатәуп, сара ажәҩан аҟынтә сааит. Шәара ари адунеи шәатәуп, сара ари адунеи сатәӡам. 24 Убри азоуп шәыгәнаҳақәа шәышрыҵоу шәыԥсуеит ҳәа зшәасҳәаз. Иааираны иҟаз шсакәу агәра шәымгар, шәыгәнаҳақәа шәышрыҵоу шәыԥсуеит». 25 Дара иазҵааит: «Узусҭада, уара?» Иисус ус реиҳәеит: «Сызшәацәажәо сзеилкаауам? 26 Сара иҵегь ишәхысҳәааша рацәаны исымоуп, сызшәықәыӡбашагьы рацәоуп. Саазышьҭыз аиаша ауп ииҳәо, саргьы иара иҟынтә исаҳаз ауп адунеи иаласҳәо». 27 Дара ирзеилымкааӡеит ииҳәоз Иаб иӡбахә шакәыз. 28 Иисус иациҵеит: «Ауаҩытәыҩса Иԥа данышьҭышәхлак*, еилышәкаауеит сара сызусҭоу, насгьы схала иаԥшьганы акгьы шыҟасымҵо. Сара Саб ишысирҵаз еиԥш ауп зегь шысҳәо. 29 Саазышьҭыз сара дсыцуп, иара схала саанимыжьӡеит, избанзар еснагь игәы иахәо ауп иҟасҵо». 30 Абри зегь аниҳәоз игәра згаз рацәаҩхеит.
31 Иисус дхазҵаз ус реиҳәеит: «Сажәа шәықәныҟәозар, сҵаҩцәа шәакәҵәҟьоуп. 32 Шәара аҵабырг еилышәкаауеит, аҵабырг ахақәиҭра шәнаҭоит». 33 Шьоукы ус рҳәеит: «Ҳара Авраам ихылҵқәаз ҳауп, ахаан маҵуцәас ҳаҟаӡамызт. Ахақәиҭра шәоуеит ҳәа зхуҳәаауеи?» 34 Иисус иҳәеит: «Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: агәнаҳа ҟазҵо дарбанзаалак агәнаҳа маҵуҩыс дамоуп. 35 Амаҵуҩы аҩнаҭаҿы наӡаӡа даанхаӡом, наӡаӡа иаанхо аԥа иоуп. 36 Аԥа шәхы шәақәиҭитәыр, ииашаҵәҟьаны ахақәиҭра шәоуеит. 37 Сара издыруеит Авраам шәшихылҵыз, аха шәара сышьра шәашьҭоуп, избанзар сажәа шәыдышәкылаӡом. 38 Сара исҳәо Саб саницыз избаз ауп, шәара иҟашәҵо шәаб ишәирҵаз ауп». 39 Дара ус рҳәеит: «Ҳаб Авраам иоуп». Аха Иисус ус реиҳәеит: «Авраам ихәыҷқәа шәакәызҭгьы, Авраам иҟаиҵоз ҟашәҵалон. 40 Аха шәара сышьра шәашьҭоуп, Анцәа иҟынтә иаҳаз аҵабырг шәазҳәаз ауаҩы ишьра шәашьҭоуп. Авраам ус ҟаиҵаӡомызт. 41 Шәара шәаб иҟаиҵо ауп иҟашәҵо». Дара ус рҳәеит: «Ҳара ҳцәыбзахшақәам*, Абыс иҳамоу Анцәа заҵәык иоуп».
42 Иисус иҳәеит: «Шәаб Анцәа иакәызҭгьы, бзиа сыжәбалон, избанзар сара Анцәа иҟынтә сааит, абар ара сыҟоуп. Сара схаҭа иаԥшьганы смааӡеит, иара иоуп саазышьҭыз. 43 Исҳәо зышәзеилымкаауеи? Изышәзеилымкаауа сажәа ахьшәыдшәымкыло азоуп. 44 Шәаб Аџьныш иоуп. Шәаргьы шәаб игәы аҟаҵара ауп ишәҭаху. Иара Анцәа амц анизиҳәа аахижьҭеи* дуаҩшьҩуп, аҵабырг мап ацәикит, избанзар аҵабырг илаӡам. Амц аниҳәо, ишиҟазшьоу еиԥш иҟаиҵоит, избанзар дымцҳәаҩуп, амц абыс дамоуп. 45 Сара сакәзар, ишәасҳәо ҵабыргуп, убри азоуп сыгәра зышәымго. 46 Гәнаҳак саҽԥнызҳәар зылшо аӡәыр шәыҟоума? Ишәасҳәо ҵабыргызар, сыгәра зышәымгои? 47 Анцәа иитәу Анцәа иажәа дазыӡырҩуеит. Шәара Анцәа шәитәӡам, убри азоуп шәзымӡырҩуагьы».
48 Аиудеиаа ус иарҳәеит: «Уара усамариатәуп, адемонгьы духоуп ҳәа анаҳҳәо, аиаша ҳамҳәаӡои?» 49 Иисус иҳәеит: «Сара адемон дысхаӡам, сара Саб ҳаҭыр иқәысҵоит, шәара — сатәажәбаӡом. 50 Сара ахьӡ-аԥша сашьҭаӡам, ахьӡ-аԥша сызҭар зҭаху дыҟоуп, иара дагьыӡбаҩуп. 51 Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: сажәа назыгӡо ахаан аԥсра ибараны дыҟаӡам». 52 Аиудеиаа ус иарҳәеит: «Уажәшьҭа ииашаҵәҟьаны иаҳдыруеит адемон дшухоу. Авраам дыԥсит, аԥааимбарцәагьы ԥсит, уара „сажәа назыгӡо ахаан дыԥсӡом“ уҳәоит. 53 Уара ҳаб Авраам иаасҭа уеиҳаума? Иара дыԥсит, аԥааимбарцәагьы ԥсит. Уара узусҭада?» 54 Иисус иҳәеит: «Сара схала ахьӡ-аԥша схы иасҭозҭгьы, уи ахьӡ-аԥша акгьы иаԥсахомызт. Аха ахьӡ-аԥша сызҭо Ҳанцәа ҳәа ззышәҳәо Саб иоуп. 55 Ҳанцәа ҳәа изышәҳәоит, арахь дшәыздырӡом, сара дыздыруеит. Дсыздырӡом ҳәа сҳәазҭгьы, шәара шәеиԥш сымцҳәаҩхон. Аха сара дыздыруеит, иажәагьы насыгӡоит. 56 Шәаб Авраам дгәырӷьаҵәа сымш дазыԥшын. Иара уи ибаҵәҟьеит, дагьеигәырӷьеит». 57 Усҟан аиудеиаа ус иарҳәеит: «Уара 50 шықәсагьы ухымҵӡацт, Авраам дабоубахьоу?» 58 Иисус ус реиҳәеит: «Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: сара Авраам диаанӡагьы сыҟан». 59 Усҟан дара ахаҳәқәа шьҭырхит, игәыдырҵарц азы, аха иара иҽрыларӡны, аныҳәарҭа аҟынтәи дцеит.
9 Амҩан дышцоз, дааиижьҭеи илашәыз хаҵак дибеит. 2 Иҵаҩцәа ус иазҵааит: «Арҵаҩы*, ари ауаҩ длашәны дызии? Агәнаҳа ҟазҵада: иара иакәу, иҭаацәа ракәу?» 3 Иисус иҳәеит: «Агәнаҳа иаргьы иҟаимҵеит, иҭаацәагьы иҟарымҵеит, дзылашәу Анцәа имч* ааԥшырц азоуп. 4 Саазышьҭыз иусқәа иахьынӡалашоу инаҳагӡалароуп. Аҵх ааигәахоит, усҟан аӡәгьы акгьы изыҟаҵаӡом. 5 Адунеи аҿы сыҟанаҵы, адунеи азы слашароуп». 6 Абри аниҳәа ашьҭахь дынкажьцәан, анышәи ижьцәеи ааилаиршьышьит, нас уи зыла иамбоз илақәа ирхьишьын, 7 абас иеиҳәеит: «Аҽыкәабарҭа Силоа́м ахь уцаны, улақәа ӡәӡәа» (Силоа́м иаанагоит «ирышьҭыз»). Иаргьы дцаны, илақәа аниӡәӡәа, илақәа ирбо дхынҳәит.
8 Агәылацәеи ауаа инапы рымҵакны дыштәаз збахьази ус рҳәо иалагеит: «Ари ауаа знапы рымҵакны итәаз иакәӡами?» 9 Шьоукы ирҳәон: «Ааи, иара иоуп». Егьырҭ ирымаркуан: «Мап, уи диеиԥшуп ауп». Иара иакәзар, ус иҳәон: «Ааи, сара соуп». 10 Усҟан дара иазҵааит: «Иубо узлаҟалеи?» 11 Иара иҳәеит: «Иисус зыхьӡу аӡәы ак ааиларшьышьны сылақәа ирхьишьын, ус сеиҳәеит: „Силоа́м ахь уцаны, улақәа ӡәӡәа“. Саргьы сцан, сылақәа сыӡәӡәеит, нас избо сҟалеит». 12 Дара иазҵааит: «Дабаҟоу уи ауаҩ?» — «Сыздырӡом», — иҳәеит иара.
13 Нас дара уаанӡа илашәыз уи ахаҵа афарисеицәа рахь дыргеит. 14 Иисус анышәи ижьцәеи еиларшьышьны илашәыз уи ахаҵа данихәышәтәыз сабшан. 15 Афарисеицәагьы иубо узлаҟалеи ҳәа иазҵаауа иалагеит. Иара иҳәеит: «Ак ааилаиршьышьын, сылақәа ирхьишьит, нас сцан сҿы сыӡәӡәеит, избогьы сҟалеит». 16 Усҟан афарисеицәа шьоукы абас аҳәара иалагеит: «Ари ауаҩ Анцәа дитәӡам, иара асабша еилеигоит». Егьырҭ ирҳәон: «Агәнаҳаҟаҵаҩ абри аҩыза аџьашьахәқәа изыҟаҵома?» Уи иахҟьаны аимак-аиҿак рыбжьалеит. 17 Дара еиҭах Иисус иихәышәтәыз иазҵаауа иалагеит: «Уара ихуҳәаауеи? Уара уами зыла иабо иҟаиҵаз». Иара иҳәеит: «Уи дԥааимбаруп».
18 Аха аиудеиаа уи ахаҵа иҭаацәа ирыԥхьаанӡа дшылашәыз агәра ргаӡомызт. 19 Дара урҭ ус иразҵааит: «Ари шәыҷкәын иоума? Дшылашәыз диима? Нас, уажәы ила иабо дызлаҟалеи?» 20 Иҭаацәа ус рҳәеит: «Ари ҳаҷкәын шиакәу ҳдыруеит, длашәны дышизгьы ҳдыруеит. 21 Аха уажәшьҭа ила иабо дызлаҟалаз ҳаздырӡом, дызхәышәтәыз дызусҭоугьы ҳаздырӡом. Иара шәиазҵаа, дхәыҷӡам, ихаҭа иҳәартә дыҟоуп». 22 Иҭаацәа аиудеиаа ирыцәшәаны ауп ус зырҳәаз, избанзар аиудеиаа Иисус — Христос иоуп ҳәа зҳәо дарбанзаалак асинагога далцатәуп ҳәа рыӡбеит. 23 Убри азоуп иҭаацәа изырҳәаз: «Иара дхәыҷӡам, ихаҭа шәиазҵаа».
24 Аиудеиаа еиҭа уаанӡа илашәыз уи ахаҵа иԥхьан, ус иарҳәеит: «Анцәа ахьӡ-аԥша иҭаны, аиаша ҳәа. Ҳара иаҳдыруеит уи ауаҩ дшыгәнаҳаҟаҵаҩу». 25 Иара иҳәеит: «Уи дыгәнаҳаҟаҵаҩу-дыгәнаҳаҟаҵаҩыму сара исыздырӡом. Издыруа акоуп: сара слашәын, аха уажәшьҭа избо сҟалеит». 26 Дара иазҵааит: «Иузиуи? Ушԥеихәышәтәи?» 27 Иара ус реиҳәеит: «Ишәасымҳәахьеи, аха шәара шәӡырҩӡом. Еиҭах шәызсазҵаауеи, шәаргьы иҵаҩцәа шәакәхарц шәҭахума?» 28 Дара рқьышә дықәҵаны ус иарҳәеит: «Уара уоуп иҵаҩы, ҳара Моисеи иҵаҩцәа ҳауп. 29 Ҳара иаҳдыруеит Анцәа Моисеи дышиацәажәоз, аха ари ауаҩ дахьынтәиааз ҳаздырӡом». 30 Иара иҳәеит: «Убри ами уамашәа иубаша. Шәара уи дахьынтәиааз шәыздырӡом, аха иара сихәышәтәит. 31 Ҳара иаҳдыруеит Анцәа агәнаҳаҟаҵаҩцәа дшырзымӡырҩуа, дыззыӡырҩуа ицәшәои* ииҭаху ҟазҵои роуп. 32 Илашәны ииз ила иабо дҟалеит ҳәа ахаан аӡәы имаҳацт. 33 Уи ауаҩ Анцәа дитәымызҭгьы, акгьы изыҟаҵарымызт». 34 Усҟан дара ирҳәеит: «Уара ушынеибарку угәнаҳа мацараха уиит, уара уоума ак ҳзырҵо?» Абас рҳәан, наҟ дыԥхарҵеит*.
35 Иисус иаҳаит уи ахаҵа дшыԥхарҵаз. Даниба, ус диазҵааит: «Ауаҩытәыҩса Иԥа дхоуҵома?» 36 Иара иҳәеит: «Дызусҭада уи, ухаҵкы? Исаҳә дызусҭоу, дхасҵарц азы». 37 Иисус иҳәеит: «Уара уи дубахьеит, иуацәажәогьы иара иоуп». 38 «Дхасҵоит, Исықәиҭу», — иҳәеит иара, дагьиеихырхәеит. 39 Иисус иациҵеит: «Сара адунеи ахь сзааз аӡбаразы ашьаҭа ыҟазарц азоуп: илашәу ирбо иҟаларц азы, избо лашәхарц азы». 40 Иааигәара игылаз уи заҳаз афарисеицәа иазҵааит: «Ҳаргьы ҳлашәуп ҳәа аума иуҳәарц иуҭаху?» 41 Иисус иҳәеит: «Шәыла иамбозҭгьы, агәнаҳазы ахара шәыдлаӡомызт, аха „иаҳбоит“ ҳәа шәҳәоит азы, агәнаҳазы ахара шшәыду шәаанхоит».
10 Иисус иҳәеит: «Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: ауасагәара ашә ала акәымкәа, ихыҵны даҽаџьарала иҭало дӷьычҩуп, дырҳәҩуп. 2 Ашә ала иҭало ахьча иоуп. 3 Аҷаԥшьаҩы уи ашә изааиртуеит, ауасақәагьы рыхьча ибжьы иазыӡырҩуеит. Иара урҭ хьыӡҳәала ирызҿыҭны, ауасагәара иҭигоит. 4 Иуасақәа зегь анҭигалак, раԥхьа дгыланы дцоит, даргьы ишьҭаланы ицоит, избанзар ибжьы рдыруеит. 5 Ауасақәа атәым ишьҭаланы ицаӡом, ицәыбналоит, избанзар ибжьы рыздырӡом». 6 Иисус уи аҿырԥштәы рзааигеит, аха дара изызкыз рзеилымкааӡеит.
7 Убри аҟынтә Иисус иациҵеит: «Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: сара ауасақәа рзы ашә соуп. 8 Сара сакәушәа ҟаҵаны иааз зегьы ӷьычцәоуп, рҳәцәоуп. Ауасақәа урҭ ирзыӡырҩӡом. 9 Сара ашә соуп. Сара сыла иҭало деиқәхоит. Иара дҭалоит, дҭыҵуеит, аҳәырҭагьы иԥшаауеит. 10 Аӷьыч дзаауа ауасақәа иӷьычырц, ишьырц, инирҵәарц азоуп. Сара сзааз ауасақәа аԥсҭазаара роурц, насгьы наӡаӡа инхаларц азоуп. 11 Сара сыхьча бзиоуп. Ахьча бзиа ауасақәа иԥсы* рыхҭниҵоит. 12 Аԥара ззыршәо аусуҩы ақәыџьма анибалак, ауасақәа ааныжьны дыҩны дцоит, избанзар иара ахьча иакәӡам, ауасақәагьы иара итәӡам. Ақәыџьма ауасақәа ирылаланы имҵанарсуеит, еиԥхьнарттоит. 13 Иара аԥара ззыршәо усуҩуп, ауасақәа ирыхьуа хьаас имаӡам. 14 Сара сыхьча бзиоуп. Сара суасақәа здыруеит, суасақәагьы сара сырдыруеит, 15 Саб сара сшидыруа, саргьы Саб дшыздыруа еиԥш. Сара ауасақәа сыԥсы* рыхҭнысҵоит.
16 Сара ари ауасагәара иатәым егьырҭ ауасақәагьы сымоуп, урҭгьы аазгароуп. Дара сыбжьы иазыӡырҩлоит, хьчак дызхагылоу ԥсасак ракәынгьы иҟалоит. 17 Сара сыԥсҭазаара рыхҭнысҵоит, уи ҿыц исоурц азы, убри азоуп Саб бзиа сзибо. 18 Сыԥсҭазаара аӡәгьы исымихӡом, схаҭа ирысҭоит. Сара уи рыҭара азин сымоуп, ҿыц аиурагьы азин сымоуп. Саб убас ҟасҵарц сеиҳәеит».
19 Иисус абас ахьиҳәаз азы аиудеиаа еиҭах аимак-аиҿак рыбжьалеит. 20 «Ари адемон дихаԥоуп, ихы еилаԥсеит, шәзизыӡырҩуеи?» — ҳәа зҳәоз рацәаҩын. 21 Егьырҭ ирҳәон: «Адемон дызхаԥоу абас изҳәарымызт. Адемон илашәу ауаҩы дизыхәышәтәуама?»
22 Уи аамҭазы Иерусалим аныҳәарҭа Анцәа ианизыркыз амш азгәарҭон. Ӡынран. 23 Иисус аныҳәарҭаҿы иҟаз Соломон ибарҵа ду* аҿы днеи-ааиуан. 24 Аиудеиаа икәшан, ус иарҳәо иалагеит: «Узусҭоу анбанӡаҳаумҳәало? Христос уакәзар, иаартны иҳаҳә». 25 Иисус иҳәеит: «Ишәасҳәахьеит, аха сыгәра жәгаӡом. Саб ихьӡала иҟасҵо аусқәа сызусҭоу рҳәоит. 26 Аха шәара агәра жәгаӡом, избанзар суасақәа шәакәӡам. 27 Суасақәа сыбжьы иазыӡырҩуеит, сара урҭ здыруеит, даргьы сышьҭаланы ицоит. 28 Сара урҭ наӡаӡатәи аԥсҭазаара рысҭоит, дара ахаангьы иқәгахаӡом, аӡәымзар-аӡәгьы исымихӡом*. 29 Саб исиҭаз раасҭа зыхә ҳараку ак ыҟам. Аӡәгьы Саб урҭ изимхӡом. 30 Саби сареи ҳаӡәуп*».
31 Аиудеиаа еиҭах ахаҳәқәа шьҭырхит, игәыдырҵарц азы. 32 Усҟан Иисус абас иҳәеит: «Сара Саб исыдиҵаз аус бзиақәа рацәаны ишәсырбеит. Хаҳәла сызхышәшьаауа рыуа иарбану?» 33 Аиудеиаа ирҳәеит: «Ҳара аус бзиа азы акәӡам ахаҳә уарганы уаҳшьырц заҳҭаху, Анцәа уахьихыччо азоуп, избанзар ушуаҩугьы, унцәоушәа ухы ааурԥшуеит». 34 Иисус ус реиҳәеит: «Шәзакәан аҿы ианӡами: „Сара исҳәеит: ‚Шәара шәынцәақәоуп*‘“ ҳәа? 35 Ҳара иаҳдыруеит Аҩыра ԥсахра шақәым. Анцәа иажәа зқәыӡбо „анцәақәа“ ҳәа рзиҳәазар, 36 сара — Саб имаҵ зуларц азы иалихыз, адунеи ахь иааишьҭыз — Анцәа Иԥа соуп ҳәа ахьысҳәаз азы „Анцәа уихыччоит“ ҳәа зысзышәҳәои? 37 Саб иусқәа насмыгӡозар, сыгәра шәымган. 38 Инасыгӡозар, сара сыгәра шәымгозаргьы, сусқәа рыгәра жәгала. Усҟан еилышәкаауеит, еиҳа еиӷьынгьы еилышәкаалоит Саби сареи аӡәк иеиԥш ҳшыҟоу». 39 Ари анраҳа, еиҭах дыркырц рҭаххеит, аха иара дрыцәцеит.
40 Уи ашьҭахь Иисус уаанӡа Иоанн ауаа аӡы иахьӡааихуаз Иордан нырцәҟа дцан, уа даангылеит. 41 Иара иахь инеиуаз рацәаҩын. Дара ирҳәон: «Иоанн џьашьахәыкгьы ҟаимҵаӡеит, аха ари ауаҩ изкны ииҳәоз зегь иашоуп». 42 Уа Иисус дхазҵаз рацәаҩхеит.
11 Уи аамҭазы Лазарь зыхьӡыз хаҵак дычмазаҩхеит. Иара Мариеи лаҳәшьа Марфеи ахьынхоз Вифа́ниа ақыҭаҿы дынхон. 2 Уи Мариа Иҳақәиҭу ишьапқәа ахәша рықәҭәаны зыхцәы ала изырбаз Мариа лакәын. Ичмазаҩхаз Лазарь лашьа иакәын. 3 Иаҳәшьцәа Иисус изынарыцҳаит: «Иҳақәиҭу, бзиа иубоз дычмазаҩхеит». 4 Иисус ари аниаҳа, ус иҳәеит: «Ари ачымазара иалҵшәахо аԥсра акәӡам, уи Анцәа Иԥеи иареи ҳаранакуеит».
5 Иисус Марфеи, лаҳәшьеи, Лазари бзиа ибон. 6 Аха Лазарь дшычмазҩу аниаҳа, дахьыҟаз аҭыԥ аҿы даҽа ҩымш даангылеит. 7 Уи ашьҭахь иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Шәаала, еиҭа Иудеиаҟа ҳцап». 8 Иҵаҩцәа ус иарҳәеит: «Арҵаҩы*, уажәы ауми аиудеиаа ахаҳә уарганы уршьырц анырҭахыз, еиҭа уахь уцома?» 9 Иисус иҳәеит: «Амш 12 сааҭ ракәӡами иамоу? Ҽынла иныҟәо акгьы дахҟьашаӡом, избанзар ари адунеи алашара ибоит. 10 Уахынла иныҟәо дшьацәхныслоит, избанзар алашара имаӡам».
11 Абри аниҳәа ашьҭахь иациҵеит: «Ҳҩыза Лазарь дыцәеит, аха сара иаарԥшра сцоит». 12 Иҵаҩцәа ус рҳәеит: «Иҳақәиҭу, дыцәазар, дыбзиахоит». 13 Иисус Лазарь дыԥсит ҳәа ауп ииҳәарц ииҭахыз, аха дара уи дыцәоуп ҳәа иҳәарц иҭахыз џьыршьеит. 14 Усҟан Иисус урҭ иаартны иреиҳәеит: «Лазарь дыԥсит. 15 Сара уа сахьыҟамыз сеигәырӷьоит, избанзар шәхаҵара уажәшьҭа еиҳагьы иӷәӷәахоит. Шәаала иара иахь ҳцап». 16 Еициз ҳәа изышьҭаз Фома егьырҭ аҵаҩцәа ус реиҳәеит: «Шәаала ҳаргьы ҳцап, ҳицыԥсырц азы».
17 Иисус уахь даннеи, Лазарь адамра дҭеижьҭеи ԥшьымш шыҵуаз еиликааит. 18 Вифа́ниа Иерусалим иазааигәан, 3-ҟа километра* бжьан. 19 Зашьа дызгәырҩоз Марфеи Мариеи ирыдышшыларц азы имаҷҩымкәа аиудеиаа ааит. 20 Марфа Иисус даауеит ҳәа анлаҳа, диԥыларц дцеит. Мариа аҩны даангылеит. 21 Марфа Иисус ус иалҳәеит: «Иҳақәиҭу, ара уҟазҭгьы, сашьа дыԥсӡомызт. 22 Аха уажәгьы агәра ганы сыҟоуп Анцәа узызиҳәозаалакгьы шуиҭо». 23 Иисус иҳәеит: «Башьа иԥсы ҭалоит». 24 Марфа ус лҳәеит: «Издыруеит аҵыхәтәантәи амш аҽны аԥсҭалара аныҟало иԥсы шҭало». 25 Иисус иҳәеит: «Сара аԥсҭалареи аԥсҭазаареи соуп. Сара схазҵо дыԥсыргьы, иԥсы ҭалоит. 26 Зыԥсы ҭоу схазҵо дарбанзаалак ахаан дыԥсӡом. Агәра бгома уи?» 27 Лара илҳәеит: «Ааи, Иҳақәиҭу, агәра згоит уара адунеи ахь иаараны иҟаз Анцәа Иԥа Христос шуакәу». 28 Убри анылҳәа ашьҭахь, лаҳәшьа Мариа даалгарц дцеит. Аӡәгьы ианимаҳауаз ус лалҳәеит: «Арҵаҩы ара дыҟоуп, дбыԥхьоит». 29 Мариа иаразнак дҩагылан, Иисус иахь лҿыналхеит.
30 Иисус ақыҭа даламлаӡацызт, Марфа дахьиԥылаз ауп дахьыҟаз. 31 Мариа илыдышшыларц лыҩныҟа инеиз аиудеиаа ашырҳәа дҩагыланы дышдәылҵыз анырба, лашьа дылҵәыуарц адамрахьы дцоз џьыршьан, даргьы лышьҭалеит. 32 Мариа Иисус дахьыҟаз днеит. Данылба, иҿаԥхьа лыҽкалыжьын, ус иалҳәеит: «Иҳақәиҭу, ара уҟазҭгьы, сашьа дыԥсӡомызт». 33 Иисус Мариеи илыцны иааз аиудеиааи шҵәыуоз аниба, дааӷызын, игәы аҵәыуара иакуа, 34 ус иҳәеит: «Дабашьҭашәҵеи?» Дара ирҳәеит: «Иҳақәиҭу, уаала, ухаҭа иубап». 35 Иисус аҵәыуара далагеит. 36 Усҟан аиудеиаа ус рҳәеит: «Шаҟа бзиа дибоз жәбома?» 37 Аха шьоукы абас рҳәо иалагеит: «Алашә ибо дҟазҵаз абри ауаҩгьы дымԥсыртә изыҟамҵаӡози?»
38 Иисус еиҭа дааӷызын, адамра днадгылеит. Уи ахаҳә зыдгылаз ҳаԥын. 39 Иисус иҳәеит: «Ахаҳә адышәх». Иԥсыз иаҳәшьа Марфа ус иалҳәеит: «Иҳақәиҭу, ԥшьымш ҵхьеит, ифҩы ҵысхьазар акәхап». 40 Иисус ус леиҳәеит: «Ибасымҳәахьази ахаҵара аабырԥшлар, Анцәа ихьӡ-иԥша ббоит ҳәа?» 41 Ахаҳә адырхит. Иисус ажәҩан днаҵаԥшын, ус иҳәеит: «Саб, иҭабуп ҳәа уасҳәоит сыҳәара ахьуаҳаз азы. 42 Сара издыруеит сыҳәарақәа еснагь ишуаҳауа. Аха уи зысҳәаз, ара игылоу ауаа сшааушьҭыз агәра ргарц азоуп». 43 Убри иҳәан, ибжьы рдуны ҿааиҭит: «Лазарь, уҭыҵ!» 44 Иаргьы дааҭыҵит. Инапқәеи ишьапқәеи кәыршала икәыршан, ихы-иҿгьы ҭаҳәҳәан. Иисус иҳәеит: «Дыԥшәырты, доушәыжь».
45 Уи ашьҭахь Мариа лахь иааз, насгьы Иисус иҟаиҵаз збаз имаҷҩымкәа аиудеиаа Иисус дхарҵеит. 46 Аха шьоукы афарисеицәа рахь ицан, Иисус иҟаиҵаз зегь рарҳәеит. 47 Усҟан аԥшьаҩ еиҳабацәеи афарисеицәеи Асинедрио́н еизырган, ус рҳәеит: «Иҟаҳҵарызеи? Ари ауаҩ аџьашьахәқәа рацәаны иҟаиҵоит. 48 Акгьы ҟаҳамҵар, зегьы дхарҵоит. Усҟан римаа ааны, ҳныҳәарҭеи* ҳажәлари ртәыртәуеит». 49 Уа дыҟан уи ашықәс азы ԥшьаҩ хадас иҟаз Каиа́фа. Иара иҳәеит: «Шәара акгьы шәзеилкааӡом. 50 Ишәзеилкааӡом жәларык рзы аӡәы дыԥсыр шәара шәзы еиҳа ишеиӷьу, ажәлар зегь ҭахар аасҭа». 51 Каиа́фа уи ихала иӡбаны имҳәаӡеит. Иара уи ашықәс азы ԥшьаҩ хадас дыҟан азы аԥааимбаражәа иҳәеит: Иисус ажәлар рзы дыԥсраны дшыҟаз, 52 ажәлар рзы адагьы, иԥсаҟьаны иҟаз Анцәа ихәыҷқәа реизгара азгьы. 53 Убри аҽны инаркны дара Иисус дшыршьыша иазхәыцуа иалагеит.
54 Убри аҟынтә Иисус аиудеиаа дахьырбоз уаҳа аргама дцәырҵӡомызт. Иара ацәҳәыра иазааигәаз Ефрем* ақалақь ахь дцан, иҵаҩцәеи иареи уа иаангылеит. 55 Аиудеиаа иазгәарҭоз Мшаԥныҳәа ааигәахон. Убри аҟынтә аныҳәа ааиаанӡа рҽыдрыцқьарц азы ақыҭарақәа рҟынтәи Иерусалимҟа иааз рацәаҩын. 56 Дара Иисус ишьҭан. Аныҳәарҭаҿы иахьгылаз ус еибырҳәон: «Шәгәы ишԥаанаго, аныҳәахь дмаари?» 57 Аԥшьаҩ еиҳабацәеи афарисеицәеи ракәзар, Иисус дыркырц рҭахын азы, дахьыҟоу аӡәыр еиликаар, дааны иреиҳәарц адҵа ҟарҵеит.
12 Мшаԥныҳәа фымш шагыз Иисус зыԥсы ҭеиҵаз Лазарь дахьынхоз Вифа́ниаҟа дааит. 2 Уа Иисус изы афатә дырхиеит. Марфа амаҵ луан, Лазарь Иисус акрыицызфоз дыруаӡәкын. 3 Мариа зыфҩы хааз, зыхә цәгьаз фунтк* анард цқьа лган, Иисус ишьапқәа ирықәылҭәан, лыхцәы ала илырбеит. Аҩны зегь ахәша афҩы ҩначит. 4 Аха Иисус иҭира згәы иҭаз, иҵаҩцәа ируаӡәкыз Иуда Искарио́т ус иҳәеит: 5 «Ари ахәша 300 динар* ҳәа иҭины, аӷарцәа ирызшазар еиӷьӡамзи?» 6 Ус зиҳәаз аӷарцәа хьаас иахьимаз азы акәӡам, дахьӷьычҩыз азоуп. Аԥара зҭаз акәалаԥ иара инапы ианын, аха иара уахь иҭарҵоз аԥара иӷьычуан. 7 Иисус иҳәеит: «Улҟәаҵ, дызҿу налыгӡааит, аԥсыжра сазыҟалҵарц азы. 8 Арыцҳацәа еснагь ишәыцзаауеит, сара еснагь сшәыцзааӡом».
9 Имаҷҩымкәа аиудеиаа Иисус дахьыҟоу еилыркаан, уахь инеит, Иисус дырбарц азы адагьы, зыԥсы ҭеиҵаз Лазарьгьы дырбарц азы. 10 Усҟан аԥшьаҩ еиҳабацәа Лазарьгьы дыршьырц рыӡбеит, 11 избанзар уи ихҟьаны уахь инеиз имаҷҩымкәа аиудеиаа Иисус дхарҵеит.
12 Адырҩаҽны аныҳәахь иааз жәларык ауаа ираҳаит Иисус Иерусалимҟа дшаауа. 13 Дара апальма амахәҭақәа кны, абас ҳәо иԥылеит: «Ҳуҳәоит, деиқәырха! Дныҳәоуп Иегова* ихьӡала иаауа Израильаа раҳ!» 14 Иисус аҽадҳәыс иԥшаан дақәтәеит, Аҩыраҿы ишану еиԥш: 15 «Бымшәан, Сион аԥҳа! Абар, баҳ аҽадҳәыс дақәтәаны даауеит». 16 Раԥхьа иҵаҩцәа уи рзеилымкааӡеит, аха Иисус ахьӡ-аԥша аниоу, иргәалашәеит иҟалаз иара изкны Аҩыра ианыз шакәыз.
17 Иисус Лазарь адамра уҭыҵ ҳәа шиеиҳәаз, иԥсгьы шҭеиҵаз збаз ауаа уи аӡбахә аҳәара иаҟәыҵуамызт. 18 Уи аџьашьахәы аӡбахә заҳазгьы рацәаҩын, убри азоуп иԥыларц изааз. 19 Афарисеицәа ус еибырҳәон: «Акгьы шаҳзыҟамҵо жәбома? Адунеи зегь ишьҭаланы ицоит!»
20 Анцәа имҵахырхәарц аныҳәахь абырзенцәагьы ааит. 21 Дара галилеиатәи Вифсаи́да иатәыз Филипп инаидгылан, ус иарҳәеит: «Ухаҵкы, Иисус даҳбар ҳҭахын». 22 Филипп дцан, уи Андреи иеиҳәеит. Нас аҩыџьагьы уи Иисус иарҳәеит.
23 Иисус ус реиҳәеит: «Ауаҩытәыҩса Иԥа ахьӡ-аԥша иоураны даныҟоу аамҭа ааит. 24 Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: ачарыц адгьыл иламшәар, иагьымҵәыӷьар*, ус ахала иагьаанхоит. Иҵәыӷьар*, аҽаҩра ду аанагоит. 25 Зыԥсы* бзиа избо иԥсы ҭаирхоит. Ари адунеи аҿы зыԥсы* зцәымӷу иакәзар, наӡаӡатәи аԥсҭазааразы иԥсы* ихьчоит. 26 Сымаҵ зулар зҭаху дсышьҭаланы даалааит, сара сахьыҟало смаҵуҩгьы дҟалоит. Саб сымаҵ зуло аҳаҭыр иаҭәеишьоит. 27 Сгәы даараӡа иҭынчӡам. Исҳәарызеи? Саб, сацәыхьча ари асааҭ. Аха ари асааҭ азоуп сзаазгьы. 28 Саб, ирҳарак ухьӡ». Усҟан ажәҩан аҟынтә абас абжьы аагеит: «Иҳараскхьеит, иҵегьы иҳараскуеит».
29 Уа игылаз, уи абжьы заҳаз ажәлар адыдбжьы ауп ҳәа рҳәон. Иҟан амаалықь диацәажәон ҳәа зҳәозгьы. 30 Иисус ус иҳәеит: «Ари абжьы згаз сара сзы акәӡам, шәара шәзоуп. 31 Анцәа ари адунеи аус аӡбара даҿуп, иара ари адунеи анапхгаҩы наҟ дықәицоит. 32 Сара санышьҭырхлак*, еиуеиԥшым ауаа сыдсыԥхьалоит». 33 Ус зиҳәаз иԥсышьа зеиԥшрахо деилиркаарц азоуп. 34 Усҟан ауаа ус иарҳәеит: «Азакәан аҿы иануп Христос наӡаӡа дынхалоит ҳәа. Избан уара ауаҩытәыҩса Иԥа дышьҭыхзар ауп* ҳәа зуҳәо? Дызусҭада ауаҩытәыҩса Иԥа ҳәа узҿу?» 35 Иисус ус реиҳәеит: «Алашара даҽа маҷк ишәыцзаауеит. Алашара шәыманаҵы шәныҟәала, алашьцара шәхамԥарц азы. Алашьцараҿы иныҟәо дахьцо издырӡом. 36 Алашара шәыманаҵы, алашара хашәҵала, алашара аԥацәа шәакәхарц азы».
Абри аниҳәа ашьҭахь дрылҵны дцан, иҽиӡеит. 37 Рыла ишабоз имаҷымкәа аџьашьахәқәа шыҟаиҵазгьы, дара игәра ргаӡомызт. 38 Убасала инаӡеит аԥааимбар Иса́иа ииҳәаз абарҭ ажәақәа: «Иегова, иаҳҳәаз агәра згада? Изирбада Иегова имч*?» 39 Дара агәра рызгаӡомызт, избанзар Иса́иа иҵегь иҳәеит: 40 «Сара урҭ рылақәа сырлашәит, рыгәгьы хаҳәхартә иҟасҵеит. Ус зыҟасҵаз рыла иамбарц, рыгәгьы еилнамкаарц, рҽырымԥсахырц, насгьы исымхәышәтәырц азоуп». 41 Иса́иа ус зиҳәаз Христос ихьӡ-иԥша ахьибаз азоуп. Иара уи иӡбахә акәын ииҳәоз. 42 Аиудеиаа реиҳабацәа рҟынтәгьы игәра згаз рацәаҩын, аха афарисеицәа ирыцәшәаны уи иаартны ирҳәаӡомызт, асинагога иалрымцарц азы, 43 избанзар ауаа идырҽхәалар еиҳа еиӷьыршьон, Анцәа ирҽхәалар аасҭа.
44 Иисус ибжьы ҭыганы иҳәеит: «Сара схазҵо ихеиҵо сымацара сакәӡам, саазышьҭызгьы дхеиҵоит, 45 сара сызбо саазышьҭызгьы дибоит. 46 Сара ари адунеи ахь алашара еиԥш сааит, схазҵо дарбанзаалак алашьцараҿы даанымхарц азы. 47 Сара сажәақәа заҳауа, аха иназмыгӡо сиқәыӡбаӡом, избанзар сзааз адунеи сақәыӡбарц азы акәӡам, еиқәсырхарц азоуп. 48 Мап сцәызкуа, сажәақәагьы здызымкыло рзы дыҟоуп аӡбаҩ. Исҳәоз ажәа ауп аҵыхәтәантәи амш аҽны урҭ рус зыӡбо. 49 Сара схатә ажәақәа ракәӡамызт исҳәоз, саазышьҭыз Саб ишәасҳәашеи ишәсырҵашеи сеиҳәеит*. 50 Сара издыруеит иара исеиҳәаз* наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь ушнанаго, убри азоуп исҳәо Саб ишсеиҳәаҵәҟьаз еиԥш изысҳәо».
13 Мшаԥныҳәа ааиаанӡагьы Иисус идыруан ари адунеи ааныжьны Иаб иахь ицара аамҭа шааз. Иара ари адунеи аҿы иҟаз иҵаҩцәа* бзиа ибеит, аҵыхәтәанынӡагьы бзиа ибон. 2 Иисус иапостолцәеи иареи уаххьа афара иаҿын. Аџьныш Си́мон иԥа Иуда Искарио́т игәы иҭаиршәхьан Иисус иҭира. 3 Иисус Иаб зегьы инапы ишаниҵаз, Анцәа иҟынтә дшааз, насгьы Анцәа иахь дышцо дырны, 4 астол дахыҵын, хыхьтәи имаҭәа ааишәихын, ампахьшьы иԥыреиҳәеит. 5 Уи ашьҭахь алагьан аӡы аниҭәалан, иҵаҩцәа ршьапқәа ӡәӡәаны, иԥыраҳәаз ампахьшьала арбара далагеит. 6 Иисус Си́мон Пиотр иҟынӡа даннеи, Пиотр иҳәеит: «Иҳақәиҭу, сшьапқәа уӡәӡәарц угәы иҭоума?» 7 Иисус иҳәеит: «Иҟасҵо уажәы иузеилкааӡом, аха нас еилукаауеит». 8 Пиотр иҳәеит: «Сара ахаан сшьапқәа усырӡәӡәаӡом!» Иисус иҳәеит: «Исмыӡәӡәар, уареи сареи еицаҳзеилоу ҳәа акгьы ҟалаӡом». 9 Усҟан Си́мон Пиотр иҳәеит: «Иҳақәиҭу, ус акәзар, снапқәагьы сшьапқәагьы ӡәӡәа, сыхгьы ҿышы». 10 Иисус ус иҳәеит: «Зҽызкәабаз ишьапқәа рыда ӡәӡәатәыс акгьы имаӡам, иара ихы инаркны ишьапы аҟынӡа дыцқьоуп. Шәаргьы шәыцқьоуп, аха ицқьамгьы дшәылоуп». 11 Дызҭиуаз дызусҭоу идыруан азоуп «ицқьамгьы дшәылоуп» ҳәа зиҳәаз.
12 Иҵаҩцәа ршьапқәа аниӡәӡәа ашьҭахь, Иисус хыхьтәи имаҭәа ишәиҵан, астол днахатәан, ус иҳәеит: «Ишәзыҟасҵаз закәу еилышәкаауама? 13 Шәара „Арҵаҩы“, насгьы „Иҳақәиҭу“ ҳәа сашәҳәоит, шәагьиашоуп: ус иагьыҟаҵәҟьоуп. 14 Сара, Ишәықәиҭу, Шәырҵаҩы, шәшьапқәа сыӡәӡәазар, шәаргьы аӡәи-аӡәи шәшьапқәа шәеибарӡәӡәалароуп. 15 Сара аҿырԥшы шәсырбеит, сара ишәзыҟасҵаз шәаргьы иҟашәҵаларц азы. 16 Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: амаҵуҩы иԥшәма иаасҭа деиҳаӡам, иаарышьҭыз даазышьҭыз иаасҭа деиҳаӡам. 17 Шәара уи жәдыруеит, убас ҟашәҵалар, насыԥ шәымазаауеит. 18 Сара зегь шәыӡбахә сҳәаӡом, сара иалысхқәаз здыруеит. Аха убас Аҩыра иану абарҭ ажәақәа наӡароуп: „Сча зфоз дсаӷахеит*“. 19 Сара уи заа ишәасҳәоит, ианынаӡалак, Аҩыра зыӡбахә аҳәо сара шсакәу агәра жәгарц азы. 20 Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: сара исышьҭуа дыздызкыло саргьы сидикылоит, сара сыздызкыло саазышьҭызгьы дидикылоит».
21 Абри аниҳәа ашьҭахь игәы хьанҭахан, ус иҳәеит: «Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит, шәуаӡәк сиҭиуеит». 22 Аҵаҩцәа зыӡбахә иҳәоз дызусҭоу рзеилымкаауа еиҿаԥшуан. 23 Иисус ивараҿы астол дицахатәан бзиа иибоз аҵаҩы. 24 Си́мон Пиотр уи дниҿаԥшын: «Зыӡбахә имада?» — ҳәа диазҵааит. 25 Иаргьы Иисус иҽааидҵаны диазҵааит: «Иҳақәиҭу, зыӡбахә умада?» 26 Иисус иҳәеит: «Ача асаан ианшьыланы изысҭо иоуп». Нас ача асаан инанишьылан, Си́мон Искарио́т иԥа Иуда ииҭеит. 27 Иуда ача анига, Аҩсҭаа ихы-игәы дҭалеит. Иисус Иуда ус иеиҳәеит: «Узлагаз ирласны инагӡа». 28 Аха астол иахатәаз рҟынтә аӡәгьы ус зиҳәаз изеилымкааӡеит. 29 Иуда аԥара зҭаз акәалаԥ ныҟәигон азы, шьоукы Иисус аныҳәазы иаҭаху аахә ҳәа иҳәаз џьыршьеит, ма аӷарцәа ак риҭарц иеиҳәеит ҳәа ргәы иаанагеит. 30 Иуда ача анига, иаразнак уантәи дцеит. Ихәлахьан.
31 Иуда данца, Иисус ус иҳәеит: «Уажәшьҭа ауаҩытәыҩса Иԥа хьӡи-ԥшеи иоуеит, Анцәагьы иара ила хьӡи-ԥшеи иоуеит. 32 Анцәа ихаҭа уи ахьӡ-аԥша ииҭоит, иаарласны дҳареикуеит. 33 Сҩызцәа*, еиҭа маҷк ауп сахьшәыцу. Шәара шәсышьҭазаауеит, аха аиудеиаа ишрасҳәахьаз еиԥш, уажәы шәаргьы ишәасҳәоит: „Сара сахьцо шәара шәызнеиӡом“. 34 Сара аԥҟара ҿыц шәысҭоит: аӡәи-аӡәи бзиа шәеибабала. Сара бзиа шәшызбо еиԥш, убас шәаргьы бзиа шәеибабала. 35 Шәыбжьара абзиабара ҟалар, зегьы ирдыруеит сҵаҩцәа шшәакәу».
36 Си́мон Пиотр ус дҵааит: «Иҳақәиҭу, уабацо?» Иисус иҳәеит: «Сара сахьцо уара уажәы усышьҭаланы узцаӡом, аха ԥыҭрак ашьҭахь уцоит». 37 Пиотр иҳәеит: «Иҳақәиҭу, избан уажәы сушьҭаланы ацара зсылымшо? Сара сыԥсгьы* ухҭынҵара сазхиоуп». 38 Иисус иҳәеит: «Уԥсы* сыхҭнуҵома? Аиашаҵәҟьа уасҳәоит: арбаӷь ҿнаҭаанӡа, сузымдыруашәа ҟаҵаны, хынтә мап сцәукуеит».
14 «Шәгәы ҭынчыз. Анцәа дхашәҵала, саргьы схашәҵала. 2 Саб иҩнаҿы анхарҭа ҭыԥқәа рацәоуп, ус иҟамызҭгьы ишәасҳәон. Сара уахь сцоит, шәахьынхалаша аҭыԥ сырмазеирц азы. 3 Сцаны шәҭыԥ ансырмазеилак ашьҭахь, шәызгарц азы схынҳәны саауеит, сара сахьыҟоу шәаргьы шәҟаларц азы. 4 Шәара сахьцо амҩа жәдыруеит».
5 Фома Иисус ус диазҵааит: «Иҳақәиҭу, ҳара уахьцо ҳаздырӡом. Уахь амҩа злаҳдыруеи?»
6 Иисус иҳәеит: «Сара сымҩоуп, сҵабыргуп, сыԥсҭазаароуп. Саб иахь сара сыла заҵәык ауп узланеиуа. 7 Сара сыжәдыруазар, Сабгьы дыжәдыруеит. Уажәшьҭа шәара уи дыжәдыруеит, дагьыжәбеит».
8 Филипп иҳәеит: «Иҳақәиҭу, Уаб дҳарба, ҳара убри ҳазхоит».
9 Иисус ус иеиҳәеит: «Сара абриаҟара аамҭа сшәыцуп, Филипп, абыржәыгь сузымдырӡои? Сара сызбахьоу Сабгьы дибахьеит, „Уаб дҳарба“ ҳәа узсыҳәои? 10 Саби сареи аӡәк иеиԥш ҳшыҟоу агәра умгаӡои? Сара ишәасҳәо схатә ажәақәа ракәӡам, Саби сареи аӡәк иеиԥш ҳаҟоуп, иара сара сыла иусқәа наигӡоит. 11 Саби сареи аӡәк иеиԥш ҳаҟоуп ҳәа анысҳәо, сыгәра жәга. Сара сыгәра шәымгозар, иара ииҭаху инақәыршәаны иҟасҵо аусқәа рыгәра жәга. 12 Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: сара схазҵо сара иҟасҵо аусқәа рҩызцәа ҟарҵалоит. Дара еиҳау аусқәагьы ҟарҵалоит, избанзар сара Саб иахь сцоит. 13 Сыхьӡала шәзыҳәозаалакгьы, сара иҟасҵоит, Аԥа ила Аб хьӡи-ԥшеи иоурц азы. 14 Сыхьӡала акы шәаҳәар, сара уи ҟасҵоит.
15 Бзиа сыжәбозар, сыԥҟарақәа нашәыгӡалоит. 16 Сара Саб сиҳәоит, иара наӡаӡа ишәыцзаауа даҽа цхырааҩык* дшәиҭоит, 17 аҵабырг аазыртуа иԥшьоу адоуҳа. Адунеи уи аиура алшаӡом, избанзар иабаӡом, иаздырӡом. Шәара ижәдыруеит, избанзар уи шәыцуп, ишәылоуп. 18 Сара шәхала* шәынсыжьӡом, сара шәара шәахь саауеит. 19 Еиҭа маҷк ауп иаанхаз, нас адунеи уаҳа сабаӡом, аха шәара сыжәбоит, избанзар сара сыԥсы ҭоуп, шәаргьы шәыԥсы ҭазаауеит. 20 Убри аҽны шәара еилышәкаауеит Саби сареи аӡәк иеиԥш ҳшыҟоу, иара убас шәареи сареи аӡәк иеиԥш ҳшыҟоу. 21 Сыԥҟарақәа здызкыло, иагьрықәныҟәо сара бзиа сибоит, сара бзиа сызбо Сабгьы уи бзиа дибалоит, саргьы бзиа дызбалоит, сыхгьы изаасыртуеит».
22 Усҟан Искарио́т иакәымкәа егьи Иуда ус иҳәеит: «Избан, Иҳақәиҭу? Избан адунеи акәымкәа, ҳара ухы ҳзаауртырц угәы изҭоу?»
23 Иисус иҳәеит: «Бзиа сызбо сажәагьы наигӡалоит, Сабгьы уи бзиа дибалоит. Саби сареи иара иахь ҳнеины ҳицынхалоит*. 24 Бзиа сзымбо сажәагьы наигӡаӡом. Ишәаҳауа ажәақәа сара истәӡам, саазышьҭыз Саб итәоуп.
25 Абри зегьы сҳәоит шәара шәҿы сыҟанаҵы. 26 Сыхьӡала Саб иааишьҭуа ацхырааҩ, иԥшьоу адоуҳа, зегь шәнарҵоит, ишәасҳәоз зегь шәгәаланаршәоит. 27 Сара аҭынчра шәзынсыжьуеит, сара сҭынчра. Аҭынчра шәысҭоит, аха уи ауаа иурҭо аҭынчра акәӡам. Шәгәы ҭынчыз, шәымшәан, шәгәы ӷәӷәаз. 28 Шәара ишәаҳаит ишшәасҳәаз: „Сара сцоит, аха схынҳәны сышәзаауеит“. Бзиа сыжәбозар, Саб иахь сахьцо шәеигәырӷьозароуп, избанзар Саб сара саасҭа деиҳауп. 29 Сара уи заа ишәасҳәеит, ианынаӡалак, исҳәаз агәра жәгарц азы. 30 Еиҭа маҷк ауп сахьшәацәажәало, избанзар ари адунеи анапхгаҩы даауеит. Иара сҿаԥхьа амчра имаӡам. 31 Адунеи Саб бзиа дшызбо адырыр ауп, убри азоуп Саб исыдиҵаз зынасыгӡо. Шәгыл, ҳцап арантәи.
15 Сара ииашаҵәҟьоу аӡахәа соуп, Саб — дӡахәааӡаҩуп. 2 Иара акгьы зҿамло сымахәҭақәа хҵәаны икаижьуеит. Изҿало амахәҭа ирыцқьоит, еиҳаны аҽаҩра аанагаларц азы. 3 Уажәшьҭа шәара ишәасҳәаз ажәа абзоурала шәыцқьоуп. 4 Сара шәсыдҳәалаз, усҟан саргьы шәара сшәыдҳәалазаауеит. Амахәҭа аӡахәаҿы иаанымхар, акгьы шҿамло еиԥш, шәаргьы сара шәсыдҳәаламзар, аус бзиақәа шәзыҟаҵаӡом*. 5 Сара сӡахәоуп, шәара шәмахәҭақәоуп, сара исыдҳәалоу, саргьы сзыдҳәалоу, аус бзиақәа рацәаны иҟаиҵоит*. Сара сыда шәара акгьы шәзыҟаҵаӡом. 6 Сара исыдҳәаланы иаанымхо ихырҵәо, нас иҩо амахәҭа даҩызоуп. Ус еиԥш иҟоу амахәҭақәа еизганы амца иақәҵаны ирбылуеит. 7 Сара шәсыдҳәаланы шәаанхалар, сажәагьы нашәыгӡалар, ишәҭаху зегь шәаҳәала, иагьшәоуеит. 8 Аус бзиақәа рацәаны ианыҟашәҵо*, сҵаҩцәа шшәакәу шьақәшәырӷәӷәоит. Уи Саб хьӡи-ԥшеи инаҭоит. 9 Саб бзиа сшибо еиԥш, саргьы убас бзиа шәызбоит, бзиа шәызбалартә еиԥш шәхы мҩаԥыжәгала*. 10 Сыԥҟарақәа нашәыгӡалар, бзиа шәызбалоит, Саб иԥҟарақәа ахьынасыгӡо азы бзиа сбара дшаҟәымҵуа еиԥш.
11 Абри зысҳәо сара исымоу агәырӷьара шәаргьы ишәоурц азоуп, уи агәырӷьара шәгәы арҭәырц азы. 12 Абар сыԥҟара: сара бзиа шәшызбо еиԥш бзиа шәеибабала. 13 Зҩызцәа зыԥсы* рыхҭнызҵо ибзиабара аасҭа еиҳау абзиабара ыҟам. 14 Ишәасҳәо ҟашәҵалар, сҩызцәа шәакәхоит. 15 Сара уаҳа амаҵуцәа ҳәа шәзысҳәаӡом, избанзар амаҵуҩы иԥшәма иҟаиҵо издырӡом. Сара аҩызцәа ҳәа шәзысҳәоит, избанзар Саб иҟынтә исаҳаз зегь шәзаасыртит. 16 Шәара шәакәӡам сара салызхыз, сара соуп шәара шәалызхыз. Сара шәцаны, аус бзиақәа ҟашәҵаларц* шәасҳәеит, наӡаӡа иаанхо аус бзиақәа. Усҟан сыхьӡала Саб шәзызиҳәо зегь шәиҭоит.
17 Убас ҟашәҵаларц зшәасҳәо бзиа шәеибабаларц азоуп. 18 Адунеи шәацәымӷзар, ижәдыруаз уи раԥхьа сара сшацәымыӷхаз. 19 Ари адунеи шәатәызҭгьы, уи иара иатәу шьоук реиԥш бзиа шәабозаарын. Аха шәара ари адунеи шәатәӡам, сара шәалысхит, убри азоуп адунеи шәзацәымӷу. 20 Ишәасҳәаз шәхашәмыршҭлан: амаҵуҩы иԥшәма иаасҭа деиҳаӡам. Сара исышьҭашәарыцозҭгьы, шәаргьы ишәышьҭашәарыцалоит, сажәа нарыгӡозҭгьы, шәажәагьы нарыгӡалоит. 21 Ауаа ус зышәзыруло сыхьӡ азы ауп, избанзар дара саазышьҭыз дрыздырӡом. 22 Сара сааны урҭ акгьы расымҳәазҭгьы, агәнаҳазы ахара рыдломызт. Аха уажәшьҭа рыгәнаҳазы хыриашашьа рымам. 23 Сара сызцәымӷу Сабгьы дицәымӷуп. 24 Ахаан аӡәгьы иҟаимҵац аусқәа ишырбоз иҟасымҵазҭгьы, агәнаҳазы ахара рыдломызт. Аха дара сшырбозгьы, саргьы сырцәымыӷхеит, Сабгьы дырцәымыӷхеит. 25 Ус зыҟалаз, рзакәан иану абарҭ ажәақәа наӡарц азоуп: „Дара акгьы шысхарамызгьы сырцәымыӷхеит“. 26 Сара Саб иҟынтә даҽа цхырааҩык* дышәзаасышьҭуеит — аҵабырг аазыртуа адоуҳа. Уи Саб иҟынтә ианаалак, сара исзышаҳаҭлоит, 27 шәаргьы шәысзышаҳаҭлоит, избанзар аханатә инаркны шәсыцын.
16 Сара уи зшәасҳәаз шәхаҵара шәцәымӡырц азоуп*. 2 Шәара асинагога шәалырцоит. Иааиуеит аамҭа шәара шәызшьуа ргәы ианаанагало убасала Анцәа имаҵ руеит ҳәа. 3 Дара ус ҟарҵалоит, избанзар Сабгьы дрыздырӡом, саргьы срыздырӡом. 4 Сара абри зшәасҳәо, уи аамҭа анааилак, уи аӡбахә шшәасҳәахьаз шәгәалашәарц азоуп.
Сара уажәраанӡа уи сымҳәаӡацызт, избанзар сшәыцын. 5 Уажәшьҭа саазышьҭыз иахь сцоит, аха шәара шәҟынтә аӡәгьы уабацо ҳәа дсазҵааӡом. 6 Сажәақәа шәылахь еиқәырҵеит. 7 Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: сара сахьцо шәара ишәзеиӷьуп. Сымцар, ацхырааҩ* дааӡом, сцар, дышәзаасышьҭуеит. 8 Данаалак, адунеи еилыкка иаирбоит агәнаҳаи, аиашареи, Анцәа иӡбареи закәу: 9 раԥхьа агәнаҳа закәу, избанзар дара схарҵаӡом; 10 нас аиашара закәу, избанзар сара Саб иахь сцоит, уаҳа сагьыжәбаӡом; 11 уи ашьҭахь Анцәа иӡбара закәу, избанзар ари адунеи анапхгаҩы иқәыӡбахьеит.
12 Иҵегь ишәасҳәаша рацәоуп, аха уажәы ишәзеилкааӡом. 13 Ацхырааҩ — аҵабырг аазыртуа адоуҳа — данаалак, аҵабырг аҵыхәтәанынӡа еилышәкаарц азы напхгара шәиҭалоит, избанзар иара ихатә ажәақәа ракәӡам ииҳәало, иара иаҳауа ауп ииҳәало. Уи иҟалараны иҟоу шәзеиҭеиҳәоит. 14 Иара хьӡи-ԥшеи сиҭоит, избанзар сара сҟынтә иаҳауа шәылеиҳәоит. 15 Саб имоу зегьы сара истәуп, убри азоуп изысҳәаз ацхырааҩ* сара сҟынтә иаҳауа шәылеиҳәоит ҳәа. 16 Ԥыҭраамҭак ашьҭахь уаҳа сыжәбаӡом, даҽа ԥыҭраамҭак ашьҭахь сыжәбоит».
17 Усҟан иҵаҩцәа шьоукы еизҵаауа иалагеит: «Иаанагои ииҳәаз: „Ԥыҭраамҭак ашьҭахь уаҳа сыжәбаӡом, даҽа ԥыҭраамҭак ашьҭахь сыжәбоит“, насгьы „избанзар сара Саб иахь сцоит“?» 18 Дара ирҳәон: «Иаанагои „ԥыҭраамҭак ашьҭахь“? Зыӡбахә иҳәо ҳзеилкаауам». 19 Иисус изызҵаарц ирҭахыз идыруан азы, ус реиҳәеит: «„Ԥыҭраамҭак ашьҭахь уаҳа сыжәбаӡом, даҽа ԥыҭраамҭак ашьҭахь сыжәбоит“ ҳәа ахьысҳәаз азоума аӡәи-аӡәи шәзеизҵаауа? 20 Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: шәара шәҵәыуалоит, шәгәы шәаасуа шәҵәыуалоит, адунеи гәырӷьалоит. Шәара шәгәырҩалоит, аха шәгәырҩа агәырӷьарахь ииасуеит. 21 Аԥҳәыс лыхшараиура аамҭа анааилак, ахьаақәа ддыргәаҟуеит, аха ахәыҷы данилак, лхьаақәа лхашҭуеит, избанзар ауаҩԥсы дахьиз деигәырӷьоит. 22 Шәаргьы убасоуп. Уажәы шәгәырҩоит, аха еиҭах шәанызбалак, шәгәырӷьоит, уи агәырӷьара аӡәгьы ишәымихӡом. 23 Уи аҽны зҵааракгьы сышәҭаӡом. Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: сыхьӡала Саб шәзызиҳәозаалакгьы, ишәиҭоит. 24 Уажәраанӡа сыхьӡала акгьы шәамыҳәаӡацызт. Шәаҳәала — ишәоуеит, шәгәырӷьара нагӡахарц азы.
25 Сара уи аҿырԥштәқәа схы иархәаны ауп ишшәасҳәо. Аха иааиуеит аамҭа аҿырԥштәқәа уаҳа схы ианасмырхәало, Саб иӡбахә иаартны ианшәасҳәо. 26 Уи аҽны шәара сыхьӡала Саб шәиҳәалоит, шәара шәзы сара сиҳәалоит ҳәа акәӡам исҳәо. 27 Саб бзиа шәзибо сара бзиа сахьыжәбо, насгьы Анцәа сшааишьҭыз агәра ахьыжәго азоуп. 28 Сара ари адунеи ахь Саб иҟынтә сааит. Уажәшьҭа адунеи ааныжьны, Саб иахь сцоит».
29 Иҵаҩцәа ус рҳәеит: «Уажәшьҭа уара аҿырԥштәқәа ухы иамырхәакәа, иаартны уцәажәоит. 30 Ҳара иаҳбоит уара зегь шудыруа, ауаҩы азҵаара шьҭихаанӡагьы, игәы иҭоу шудыруа. Уи Анцәа иҟынтә ушааз агәра ҳнаргоит». 31 Иисус иҳәеит: «Уажәшьҭа агәра жәгома? 32 Иааиуеит аамҭа, уи иагьааихьеит, зегьы схала сааныжьны, шәыҩныҟақәа рахь шәеимбӷьыжәаа шәанцо. Аха сара схала сыҟаӡам, избанзар Саб дсыцуп. 33 Абри зегьы зшәасҳәо, сара сыла аҭынчра шәымазарц азоуп. Адунеи аҿы арыцҳарақәа шәзыԥшуп, аха шәымшәан, шәгәы ӷәӷәаз! Сара адунеи саиааит».
17 Иисус абри ҳәаны даналга ашьҭахь, ажәҩан днаҵаԥшын, ус иҳәеит: «Саб, иааит аамҭа. Дҳаракы уԥа, уԥа уаргьы уҳареикырц азы. 2 Уара уи амчра иуҭеит, ауаа зегьы инапаҵаҟа иҟаларц азы, дызхаургылаз зегьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара риҭарц азы. 3 Наӡаӡатәи аԥсҭазаара роурц азы, дара Нцәас иҟоу уара заҵәык уеилыркаалароуп, иааушьҭыз Иисус Христосгьы деилыркаалароуп. 4 Сара адгьыл аҿы уҳараскит, снапы иануҵаз аус насыгӡеит. 5 Уажәшьҭа, Саб, суҳәоит, сҳаракы: уааигәара сыҟазарц азин сыҭ, исыҭ адунеи ҟалаанӡа уааигәара саныҟаз исымаз ахьӡ-аԥша.
6 Сара адунеи иалхны исуҭаз ауаа ухьӡ рзаасыртит. Урҭ уара иутәын, аха сара исуҭеит. Дара уажәа иқәныҟәоит. 7 Уажәшьҭа дара ирдыруеит исуҭаз зегьы уара уҟынтә шакәу, 8 избанзар исоуҳәаз ажәақәа расҳәеит, даргьы урҭ рыдыркылеит. Дара еилыркааҵәҟьеит уара уҟынтә сшааз, уара сшааушьҭызгьы агәра ргеит. 9 Сара дара рзоуп сызуҳәо, адунеи азы акәӡам. Уара исуҭақәаз рзоуп сызуҳәо, избанзар урҭ уара иутәуп. 10 Сара истәу зегь уара иутәуп, уара иутәу сара истәуп, урҭ рыбжьара сара ахьӡ-аԥша сымоуп.
11 Дара адунеи аҿы иҟоуп, сара уажәшьҭа адунеи аҿы сыҟаӡам, избанзар уара уахь сцоит. Иԥшьоу Саб, уареи сареи аӡәк иеиԥш ҳшыҟоу еиԥш, даргьы аӡәк иеиԥш иҟаларц азы ихьчала, уара исуҭаз ухьӡ аҳаҭыразы. 12 Санрыцыз, сара урҭ сырхылаԥшуан, исуҭаз ухьӡ аҳаҭыразы. Сара урҭ сыхьчон, дара рҟынтә аӡәгьы дҭамхаӡеит, аҭахара аԥа ида, Аҩыра иану наӡарц азы. 13 Аха уажәшьҭа уара уахь сцоит. Абри зегь сҳәоит адунеи аҿы сыҟанаҵы, исымоу агәырӷьара даргьы инагӡаны ироурц азы. 14 Сара уажәа рысҭеит, аха адунеи урҭ ацәымыӷхеит, избанзар дара адунеи иатәӡам, саргьы адунеи сшатәым еиԥш.
15 Сара урҭ адунеи иалугарц акәӡам сызуҳәо, суҳәоит Аҩсҭаа* ицәухьчаларц. 16 Урҭ адунеи иатәӡам, сара адунеи сшатәым еиԥш. 17 Иԥшьа урҭ уажәа ала, избанзар уажәа ҵабыргуп. 18 Уара адунеи ахь сшааушьҭыз еиԥш, саргьы урҭ адунеи ахь исышьҭит. 19 Сара дара раҳаҭыразы сыԥшьаны саанхоит, даргьы аҵабырг абзоурала иԥшьахарц азы.
20 Сара дара рзы мацара акәӡам сызуҳәо, суҳәоит ражәа абзоурала схазҵараны иҟоу рзгьы. 21 Саб, уареи сареи аӡәк иеиԥш ҳшыҟоу еиԥш, даргьы аӡәк иеиԥш иҟалааит, аӡәк иеиԥш ҳаргьы иҳацҟалааит, адунеи уара сшааушьҭыз агәра агарц азы. 22 Сара урҭ уара уҟынтә исоуз ахьӡ-аԥша рысҭеит, даргьы уареи сареи ҳаиԥш аӡәыкны иҟаларц азы. 23 Дареи сареи аӡәк иеиԥш ҳаҟоуп, иара убас уареи сареи аӡәк иеиԥш ҳаҟоуп, дара аӡәк иеиԥш инагӡаны иҟаҵәҟьазарц азы, адунеигьы уара сшааушьҭыз адырырц, насгьы урҭ уара бзиа сшубо еиԥш бзиа ишубо еилнакаарц азы. 24 Саб, сара исҭахуп уара исуҭақәаз сара сахьыҟоу иҟаларц, исуҭаз ахьӡ-аԥша рбарц, избанзар уара адунеи шьақәгылаанӡагьы* бзиа субон. 25 Ииашоу Саб, адунеи уара уаздырӡом, сара уздыруеит, исуҭақәазгьы ирдыруеит уара сшааушьҭыз. 26 Сара урҭ ухьӡ рзаасыртит, анаҩсгьы ирзаасыртлоит, уара бзиа сшубо еиԥш даргьы егьырҭ бзиа ирбаларц, дареи сареи аӡәк иеиԥш ҳаҟазарц».
18 Убри аниҳәа ашьҭахь, Иисус иҵаҩцәа иманы арха* Кедро́н дҭысын, абаҳчахь дцеит. 2 Иҭира згәы иҭаз Иудагьы уи аҭыԥ идыруан, избанзар Иисус иҵаҩцәеи иареи уа лассы-лассы еиқәшәалон. 3 Иуда уахь римтәи аруаа иманы днеит, иара убас аԥшьаҩ еиҳабацәеи афарисеицәеи иаарышьҭыз ахьчаҩцәагьы неигеит. Дара алашарбагақәеи, акәаҷабқәеи, абџьари рыманы иааит. 4 Иисус изыԥшыз зегь идыруан азы, ԥхьаҟа дааскьан: «Шәзышьҭада?» — ҳәа дразҵааит. 5 «Назарет иатәу Иисус», — рҳәеит дара. — «Уи сара соуп», — иҳәеит иара. Дызҭииз Иудагьы уа дрыдгылан.
6 Иисус «сара соуп» ҳәа анреиҳәа, шьҭахьҟа ихьаҵын, иахьгылаз икаҳаит. 7 Иисус урҭ еиҭа дразҵааит: «Шәзышьҭада?» — «Назарет иатәу Иисус», — рҳәеит дара. 8 Иисус иҳәеит: «Сара соуп ҳәа шәасымҳәеи. Сара сакәзар шәзышьҭоу, арҭ ауаа наҟ ишәышьҭы». 9 Ус зиҳәаз, ииҳәахьаз абарҭ ажәақәа наӡарц азоуп: «Исуҭаз рҟынтә аӡәымзар-аӡәгьы дысцәымӡӡеит».
10 Усҟан Си́мон Пиотр иаҳәа ааҭиԥаан, аԥшьаҩ хада имаҵуҩы иарӷьа лымҳа ааҿахиҵәеит. (Уи амаҵуҩы Малх ихьӡын.) 11 Аха Иисус Пиотр ус иеиҳәеит: «Уаҳәа аҭра иҭаҵа. Саб исиҭаз аҵәца зжәыр акәӡами?»
12 Усҟан римтәи аруааи, урҭ реиҳаби, иудеиатәи ахьчаҩцәеи Иисус дыкны дҿарҳәеит. 13 Раԥхьа Анна иахь дыргеит. Анна уи ашықәсазы ԥшьаҩ хадас иҟаз Каиа́фа иабхәа иакәын. 14 Каиа́фа иоуп аиудеиаа иразҳәаз ажәлар рзы аӡәызаҵәык дыԥсыр дара рзы еиҳа еиӷьхоит ҳәа.
15 Си́мон Пиотри даҽа ҵаҩыки Иисус ишьҭаланы ицон. Уи аҵаҩы аԥшьаҩ хада дидыруан, убри аҟынтә Иисус дицны аԥшьаҩ хада иашҭа дҭалеит. 16 Аха Пиотр агәашә аԥхьа даанхеит. Нас аԥшьаҩ хада дыздыруаз аҵаҩы дааин, агәашә зыхьчоз аԥҳәыс дналацәажәан, Пиотр ашҭа дҭеигалеит. 17 Уи амаҵуҩԥҳәыс Пиотр ус диазҵааит: «Уара ари ауаҩ иҵаҩцәа ируаӡәку уакәӡами?» — «Мамоу», — иҳәеит иара. 18 Ахьҭа ыҟан, убри аҟынтә амаҵуцәеи ахьчаҩцәеи амца еиқәҵаны аҽырԥхара иаҿын. Пиотргьы урҭ дрыдгыланы иҽирԥхон.
19 Аԥшьаҩ еиҳабы Иисус азҵаарақәа иҭара далагеит, иҵаҩцәеи ауаа идирҵози дрызҵаауан. 20 Иисус ус иҳәеит: «Сара ауаа аргама срацәажәон, аиудеиаа зегь ахьеизо асинагогақәа рҿи аныҳәарҭа аҿи еснагь ауаа Анцәа иажәа дсырҵон, маӡала акгьы сҳәаӡомызт. 21 Сара узсазҵаауеи? Исҳәоз заҳауаз уразҵаа. Дара ирдыруеит исҳәоз». 22 Усҟан иааигәара игылаз ахьчаҩцәа руаӡәк Иисус диҿасын, ус иҳәеит: «Аԥшьаҩ еиҳабы ушԥаиацәажәо?» 23 Иисус иҳәеит: «Ииашамкәа ак сҳәазар, сахьиашам саҳә. Исҳәаз иашазар, нас, узысҿасуеи?» 24 Уи ашьҭахь Анна Иисус дышҿаҳәаз аԥшьаҩ хада Каиа́фа иахь дишьҭит.
25 Си́мон Пиотр амцаҿы аҽырԥхара данаҿыз, ус иазҵааит: «Уаргьы иҵаҩ уакәӡами?» —«Мамоу», — иҳәан, мап икит. 26 Аԥшьаҩ хада имаҵуцәа руаӡәк Пиотр ус диазҵааит: «Уара уакәӡами абаҳчаҿы ицны избаз?» Уи амаҵуҩы Пиотр злымҳа хиҵәаз амаҵуҩы иуа иакәын. 27 Аха Пиотр еиҭах мап икит. Убри аминуҭ азгьы арбаӷь ҿнаҭит.
28 Иисус Каиа́фа иҟынтә аиудеиаа рнапхгаҩы Пилат иаҳҭынрахьы дыргеит. Шьыжьымҭан шаанӡа акәын. Аха даазгақәаз аҳҭынрахьы имнеиӡеит, рҽырымҟьашьырц азы. Инеизҭгьы, Мшаԥазтәи уаххьа рзыфаӡомызт. 29 Убри аҟынтә Пилат дара рахь даацәырҵын, ус дразҵааит: «Харас идышәҵои ари ауаҩ?» 30 Дара ирҳәеит: «Дыцәгьаҟаҵаҩымызҭгьы, уара уахь дааҳгарымызт». 31 Аха Пилат ус реиҳәеит: «Наҟ дыжәга. Шәара шәзакәан ала иус шәыӡба». Аиудеиаа ирҳәеит: «Ҳара ауаҩы ишьра азин ҳамаӡам». 32 Убас инаӡеит Иисус иԥсышьа зеиԥшрахо иазкны ииҳәаз ажәақәа.
33 Пилат аҳҭынрахьы дхынҳәын, Иисус дааиԥхьан, ус диазҵааит: «Уара аиудеиаа раҳ уоума?» 34 Иисус ус дҵааит: «Узҵаауа аҭак уаҳарц ахьуҭаху азы акәу, егьырҭ сыӡбахә ахьуарҳәаз азы акәу?» 35 Пилат иҳәеит: «Сара сауриоума? Ужәлари аԥшьаҩ еиҳабацәеи роуп сара сахь уаазгаз. Иҟауҵеи?» 36 Иисус иҳәеит: «Саҳра ари адунеи аҳрақәа иреиԥшӡам*. Саҳра ари адунеи аҳрақәа иреиԥшызҭгьы, аиудеиаа срырымҭарц азы смаҵзуҩцәа қәԥалон. Аха Саҳра ари адунеи аҳрақәа иреиԥшӡам». 37 Пилат ус диазҵааит: «Аҳ уоума, нас?» Иисус иҳәеит: «Уара ухаҭа иуҳәоит аҳ шсакәу. Сара сызиз, адунеи ахьгьы сзааз аҵабырг сазышаҳаҭларц азоуп. Аҵабырг иадгылоу дарбанзаалак исҳәо дазыӡырҩуеит». 38 Пилат ус иҳәеит: «Изакәи аҵабырг?»
Уи ашьҭахь еиҭа аиудеиаа рахь дцәырҵын, ус иҳәеит: «Сара ари ауаҩ ихароу ҳәа акгьы збом. 39 Шәҵас инақәыршәангьы, Мшаԥныҳәазы ишаԥу еиԥш аӡәы дышәзоусышьҭуеит. Ишәҭахызар, аиудеиаа раҳ доусышьҭуеит». 40 Дара ҳәҳәеит: «Уи иакәым, Вара́вва доушьҭ!» Вара́вва дқәылаҩын.
19 Усҟан Пилат Иисус ҟамчыла дрыпҟарц адҵа ҟаиҵеит. 2 Аруаа амаӷ иалхны агәыргьын ҟарҵан, ихарҵеит, насгьы апурпурԥштәы змаз амаҭәа ишәырҵеит, 3 нас инеины: «Бзиара умаз, аиудеиаа раҳ!» — ҳәа иаҳәаны, иҿасуан. 4 Пилат еиҭах ажәлар рахь дцәырҵын, ус иҳәеит: «Шәыԥшы! Сара ари ауаҩ шәара шәахь ддәылызгоит, ихароу ҳәа акгьы шидсымбало жәдыруазарц азы». 5 Иисус апурпурԥштәы змаз амаҭәа ишәҵаны, амаӷ иалхыз агәыргьын ихаҵаны даацәырҵит. Пилат ажәлар ус реиҳәеит: «Абар, ауаҩы!» 6 Аха аԥшьаҩ еиҳабацәеи аныҳәарҭа ахьчаҩцәеи Иисус данырба, аҳәҳәара иалагеит: «Ашьаҟа дкыдҵа! Ашьаҟа дкыдҵа!» Пилат ус реиҳәеит: «Шәхаҭа дганы дкыдышәҵа. Сара ихароу ҳәа акгьы збом». 7 Аиудеиаа ус иарҳәеит: «Ҳара азакәан ҳамоуп, ҳзакәан инақәыршәаны уи дыԥсыроуп, избанзар Анцәа иԥа соуп иҳәон».
8 Пилат ари аниаҳа, еиҳагьы дшәеит. 9 Иара еиҭах аҳҭынрахьы днеин, Иисус диазҵааит: «Уабатәиу?» Аха Иисус аҭак иимҭаӡеит. 10 Пилат иҳәеит: «Сацәажәара уҭахӡам акәу? Иузымдырӡои сара уоусышьҭыргьы шсылшо, ашьра уқәысҵаргьы шсылшо?» 11 Иисус иҳәеит: «Уара сҿаԥхьа амчра уоуамызт, уи хыхьынтәи иуҭамызҭгьы. Убри аҟынтә еиҳау агәнаҳа зқәу сузҭаз иоуп».
12 Пилат Иисус доуишьҭырц азы иҟаиҵаша еиҭах азхәыцра далагеит. Аха аиудеиаа ҳәҳәо, ус рҳәон: «Доуушьҭыр, ацезарь уиҩызаӡам. Аҳас зхы ҟазҵо дарбанзаалак ацезарь диҿагылоит». 13 Пилат ари аниаҳа, Иисус ддәылиган, хаҳәла ичаԥаз аҭыԥ аҿы (ауриа бызшәала Габба́та) иӡбарҭаҭыԥ днықәтәеит. 14 Уи Мшаԥы рҽаназыҟарҵоз амш акәын, шьыбжьонын, асааҭ 12 раҟара ыҟан*. Пилат аиудеиаа ус реиҳәеит: «Абар, шәаҳ!» 15 Аха дара ҳәҳәон: «Дшьы наҟ, дшьы! Ашьаҟа дкыдҵа!» Иара ус реиҳәеит: «Шәаҳ ашьаҟа дкыдысҵома?» Аԥшьаҩ еиҳабацәа ус рҳәеит: «Ацезарь ида ҳара аҳас ҳәа аӡәгьы дҳамаӡам». 16 Усҟан Пилат Иисус ашьаҟа дкыдырҵарц азы дриҭеит.
Иисус наҟ дыргеит. 17 Иара Ахыбаҩ ҳәа изышьҭаз, ауриа бызшәала Голго́фа ҳәа изышьҭаз, аҭыԥ аҟынӡа ашьаҟа даҵаланы дцон. 18 Уа иара ашьаҟа дкыдырҵеит. Наҟ-ааҟ даҽа ҩыџьа ицкнаҳан, иара рыбжьара дыкнаҳан. 19 Пилат Иисус иханы ианиҵеит: «Назареттәи Иисус, аиудеиаа раҳ». 20 Уи иаԥхьаз ауриацәа рацәаҩын, избанзар уи аҭыԥ ақалақь иазааигәан, иаргьы ауриа бызшәалеи, алаҭын бызшәалеи, абырзен бызшәалеи иҩын. 21 Иудеиатәи аԥшьаҩ еиҳабацәа Пилат иарҳәеит: «Аиудеиаа раҳ ҳәа умҩын. Ианҵа аиудеиаа раҳ соуп ҳәа шиҳәоз». 22 Аха Пилат иҳәеит: «Изҩыз зҩит».
23 Аруаа Иисус ашьаҟа данкыдырҵа, хыхьтәи имаҭәа рган, ԥшьыџьара ишаны, акака ргеит. Иара убас ҵаҟатәи имаҭәагьы ргеит. Аха ҵаҟатәи имаҭәа аӡахырсҭа амаӡамызт, ахы инаркны акалҭ аҟынӡа исны иҟан. 24 Усҟан дара ус еибырҳәеит: «Шәааи иԥаҳамжәап, изтәхо ҳаӡбарц азы аҵәы ҭаҳаԥсап*». Убас инаӡеит Аҩыра иану абарҭ ажәақәа: «Рыбжьара сымаҭәа ршон, ҵаҟатәи сымаҭәа азы аҵәы ҭарыԥсон». Аруаагьы убри ауп иҟарҵаз.
25 Иисус ишьаҟа азааигәара иани, иан лаҳәшьеи, Кло́пас иԥҳәыс Мариеи, Мариа Магдалинеи гылан. 26 Иисус иани лааигәара игылаз бзиа иибоз аҵаҩи аниба, иан ус леиҳәеит: «Аԥҳәыс*, уажәшьҭарнахыс ари быҷкәын иоуп!» 27 Нас иҵаҩы ус иеиҳәеит: «Уажәшьҭарнахыс ари уан лоуп!» Аҵаҩгьы уи иара иахь дигеит.
28 Нас зегь шынаӡаз дырны, Иисус иҳәеит: «Аӡба». Убас Аҩыра ианыз ажәақәа наигӡеит. 29 Уа абжьеи зҭаз аԥҳал гылан. Уа иҟаз шьоукы абамба* абжьеи иладырчачан, аиссоп* ахәҵәы иахаҵаны иқьышә иқәыркит. 30 Иисус абжьеи днаҿыхәан, ҿааиҭит: «Инаӡеит!» Уи ашьҭахь ихы наикәаҽын, дыԥсит.
31 Уи аҽны асабша рҽаназыҟарҵоз амш акәын. Аиудеиаа ирҭахӡамызт асабшаҽны аԥсцәа ашьаҟа ишкыду иаанхар, убри азы Пилат иахь инеин, ршьапқәа ԥҵәаны, икыдырхырц и́ҳәеит. Уи асабша сабша дуун. 32 Аруаа аннеи, Иисус ицкнаҳақәаз ршьапқәа ԥырыҵәҵәеит, зны аӡәы, нас даҽаӡәы. 33 Иисус иахь ианнеи, дшыԥсхьаз рбеит, убри аҟынтә ишьапқәа ԥырымҵәаӡеит. 34 Аруаа руаӡәк Иисус ивара аԥса налаикшан, уантәи иаразнак ашьеи аӡи дәықәлеит. 35 Уи иазышаҳаҭуа избаз иоуп, ишаҳаҭрагьы иашоуп. Иара аиаша шиҳәо идыруеит, уи зегь зеиҭеиҳәо, шәаргьы агәра жәгарц азоуп. 36 Уи зегь зыҟалаз, Аҩыра иану абарҭ ажәақәа наӡарц азоуп: «Ибаҩқәа рҟынтә баҩыкгьы ԥҵәахом». 37 Даҽа ҭыԥҩырак аҿгьы иануп: «Аԥса зларҵаз ихәаԥшлоит».
38 Уи ашьҭахь аиудеиаа ирыцәшәаны Иисус иҵаҩ шиакәыз зӡоз Аримафе́иа иатәыз Иосиф Пилат диҳәеит Иисус иԥсыбаҩ ииҭарц. Пилат азин анииҭа, Иосиф дцан, аԥсы дигеит. 39 Иара убас уахь днеит зны уахынла Иисус иахь инеихьаз Никодим. Иара 100 фунтк* раҟара амирреи алоеи еилаҵаны* инеигеит. 40 Дара аԥсы дырган, аиудеиаа рыԥсыжшьа ала зыфҩы хааз аҳаскьынқәа ақәны иалхыз аба ианырҵан, Иисус уи аба дыларҳәеит. 41 Иисус ашьаҟа дахькыдырҵаз азааигәара абаҳча ыҟан, уи абаҳчаҿы аӡәгьы дызҭарымҵацыз адамра ҿыц ыҟан. 42 Аиудеиаа уи аҽны асабша рҽазыҟарҵон, адамрагьы ааигәа иҟан, убри аҟынтә Иисус уи адамра дҭарҵеит.
20 Амчыбжь раԥхьатәи амш аҽны, ашьжьымҭан, ашара иалагаанӡа, Мариа Магдалина адамрахьы даннеи, адамра иадгылаз ахаҳә шадхыз лбеит. 2 Ари аҩыза анылба, Си́мон Пиотри Иисус бзиа иибоз иҵаҩи рахь дыҩны дцан, ус ралҳәеит: «Иҳақәиҭу адамра дҭыргеит, дахьыргазгьы ҳаздырӡом».
3 Усҟан Пиотри егьи аҵаҩи иццакы-ццакуа адамрахьы рҿынархеит. 4 Раԥхьа дара еицны иҩны ицон, аха егьи аҵаҩы Пиотр иаасҭа дыццакны дыҩуан азы, адамрахьы иаԥхьа днеит. 5 Данҭаԥшы, ишьҭаз ақәны иалхыз аба* ибеит, аха адамра дҭамлаӡеит. 6 Нас Си́мон Пиотргьы дааит. Иара аҩныҵҟа дҭалеит, ишьҭаз аба иаргьы ибеит. 7 Иисус ихы иакәыршаз акәырша еикәарҳәны хазы ишьҭан. 8 Нас раԥхьа иааз аҵаҩгьы адамра дҭалеит. Ари зегь аниба, ирҳәахьаз зегь агәра игеит. 9 Аха дара макьана ирзеилкааӡомызт Иисус иԥсы ҭалараны дшыҟоу иазкны Аҩыра иаҳәоз. 10 Уи ашьҭахь аҵаҩцәа рыҩныҟақәа рахь ихынҳәит.
11 Мариа адамра ааигәара дгыланы дҵәыуон. Лылаӷырӡ лҿыжжы адамра данҭаԥшы, 12 Иисус иԥсыбаҩ ахьышьҭаз аҭыԥ аҿы амаҭәа шкәакәақәа зшәыз ҩыџьа амаалықьцәа штәаз лбеит, руаӡәк — иханы, егьи — ишьапаҿы. 13 Дара ус илазҵааит: «Аԥҳәыс, бзырҵәыуои?» Лара илҳәеит: «Исықәиҭу дыргеит, дахьыргаз сыздырӡом». 14 Убри ҳәаны лышьҭахьҟа данынхьаԥш, Иисус дылбеит, аха дылзымдырӡеит. 15 Иисус ус длазҵааит: «Аԥҳәыс, бзырҵәыуои? Бзышьҭада?» Абаҳчааӡаҩ иакәыз џьшьаны, ус иалҳәеит: «Ухаҵкы, уара уакәзар дҭызгаз, дахьугаз саҳә, сара дызгоит». 16 Усҟан Иисус иҳәеит: «Мариа!» Ларгьы дынхьаҳәын, ауриа бызшәала ҿаалҭит: «Раввуни́!» (иаанагоит «арҵаҩы»). 17 Иисус ус леиҳәеит: «Бысхьнымҳалан, сара макьана Саб иахь схамлаӡацт. Сашьцәа рахь бцаны абас сызраҳә: „Сара Саб иахь схалоит, уи шәара Шәабгьы иоуп, Сынцәа иахь схалоит, уи шәара Шәынцәагьы иоуп“». 18 Мариа Магдалина аҵаҩцәа рахь дцан, ус ралҳәеит: «Сара Иҳақәиҭу дызбон!» Нас ииҳәаз зегь рзеиҭалҳәеит.
19 Убри аҽны, амчыбжь раԥхьатәи амш аҽны, ахәылбыҽха аҵаҩцәа џьарак еизеит. Аиудеиаа ирыцәшәаны ашәқәа аркны иахьтәаз ауадаҿы Иисус даацәырҵын, ус иҳәеит: «Бзиара* шәымаз!» 20 Иара инапқәеи ивареи дирбеит. Аҵаҩцәа Иҳақәиҭу данырба, игәырӷьеит. 21 Иисус еиҭа ус реиҳәеит: «Бзиара* шәымаз! Саб сара адунеи ахь сшааишьҭыз еиԥш, саргьы шәара адунеи ахь шәсышьҭуеит». 22 Абри аниҳәа ашьҭахь днарҿаҭәҳәан, ус иҳәеит: «Ижәга иԥшьоу адоуҳа. 23 Аӡәы игәнаҳақәа ианашәыжьыр, ус акәзар, Анцәагьы урҭ ианаижьит. Аӡәы игәнаҳақәа ианашәмыжьыр, ус акәзар, Анцәагьы урҭ ианеимыжьӡеит».
24 Иисус данцәырҵыз, Еициз ҳәа изышьҭаз, 12-ҩык ируаӡәкыз Фома аҵаҩцәа дрыцӡамызт. 25 Егьырҭ аҵаҩцәа ирҳәеит: «Ҳара Иҳақәиҭу даҳбеит!» Аха иара ус иҳәеит: «Инапқәа рҿы аҵәымӷ ашьҭрақәа сымбакәа, снацәала ихәрақәа гәасымҭакәа, ивара саламкьыскәа, агәра згараны сыҟаӡам».
26 Аамшы рышьҭахь аҵаҩцәа еиҭа аҩны аҩныҵҟа еизеит, Фомагьы дрыцын. Ашәқәа шаркызгьы, Иисус даацәырҵын, ус иҳәеит: «Бзиара* шәымаз!» 27 Нас иара Фома ус иеиҳәеит: «Снапқәа урыхәаԥш, унацәала игәаҭ, унапала сывара уалакьыс, агәрамгара уаҟәыҵ, ихаҵа». 28 Фома иҳәеит: «Исықәиҭу, Сынцәа!» 29 Иисус ус иеиҳәеит: «Агәра зугаз сахьубаз азоума? Насыԥ рымоуп ишырымбазгьы агәра зго».
30 Ҳәарада, Иисус аҵаҩцәа ишырбоз имаҷымкәа егьырҭ аџьашьахәқәагьы ҟаиҵеит, урҭ зегьы ари ашәҟәеикәарҳә ианӡам. 31 Арҭ аџьашьахәқәа рыӡбахә зану Иисус — Анцәа Иԥа Христос шиакәу агәра жәгарц азоуп, агәра ахьыжәго азы ихьӡ абзоурала аԥсҭазаара шәоурц азы.
21 Уи ашьҭахь Иисус Тивериа́датәи амшын аҿы еиҭа иҵаҩцәа дрызнеит. Уи абас иҟалеит. 2 Си́мон Пиотри, Еициз ҳәа изышьҭаз Фомеи, галилеиатәи Ка́на иатәыз Нафанаи́ли, Зеведе́и иԥацәеи, даҽа ҩыџьа аҵаҩцәеи еицын. 3 Си́мон Пиотр ус реиҳәеит: «Сара аԥсыӡкра сцоит». Дара ирҳәеит: «Ҳаргьы ҳуццоит». Нас ицан, анышь иақәтәеит, аха уи ауха акгьы рзымкӡеит.
4 Ианаацәылашоз аамҭазы аҟәараҿы Иисус дгылан, аха аҵаҩцәа дырзымдырӡеит. 5 Иисус ус дразҵааит: «Аҩызцәа*, афатә* ҳәа акыр шәымоума?» — «Мамоу», — рҳәеит дара. 6 Иара ус реиҳәеит: «Акаҭа арыӷьарахь иҭашәыжь, нас маҷк аԥсыӡ шәкуеит». Даргьы акаҭа ҭарыжьит, аха ҭгашьа рмоуит, убриаҟара аԥсыӡ рацәаны иакит. 7 Усҟан Иисус бзиа иибоз аҵаҩы Пиотр ус иеиҳәеит: «Ари Иҳақәиҭу иоуп!» Си́мон Пиотр уи Иҳақәиҭу шиакәу аниаҳа, акгьы ишәӡамызт азы хыхьтәи имаҭәа неишәиҵан, аӡы далаԥалеит. 8 Егьырҭ аҵаҩцәа ԥсыӡла иҭәыз акаҭа иахо, нышьла аҟәарахьы идәықәлеит. Дара аҟәара иазааигәан, 100 метрак* раҟара бжьан.
9 Ианӡхыҵ, аԥсыӡ зқәыз ижжаӡа иакыз акәицқәеи ачеи рбеит. 10 Иисус ус реиҳәеит: «Ишәкыз аԥсыӡ маҷк сзаажәг». 11 Си́мон Пиотр анышь ахь дцан, ԥсыӡла иҭәыз акаҭа адгьыл ихықәижьлеит. Уа 153 ԥсыӡ ду ыҟан. Аԥсыӡ абас ишырацәазгьы, акаҭа ԥымжәаӡеит. 12 Иисус ус реиҳәеит: «Шәааи шьыжьхьа афара». Аҵаҩцәа уи Иҳақәиҭу шиакәыз рдыруан азы, узусҭада ҳәа иазҵаара аӡәгьы изыгәаӷьӡомызт. 13 Иисус ача аашьҭихын, иҵаҩцәа ирзишеит, аԥсыӡгьы рзишеит. 14 Иисус иԥсы ҭалеижьҭеи абыржәы хынтәын иҵаҩцәа данрызцәырҵыз.
15 Акранырфа ашьҭахь, Иисус Си́мон Пиотр ус диазҵааит: «Иоанн иԥа Си́мон, бзиа субома абарҭ реиҳа?» Иара иҳәеит: «Ааи, Иҳақәиҭу, иудыруеит шаҟа бзиа узбо». Иисус иҳәеит: «Ссарақәа уреиҷаҳала*». 16 Иисус еиҭа диазҵааит: «Иоанн иԥа Си́мон, бзиа субома?» Пиотр иҳәеит: «Ааи, Иҳақәиҭу, уара иудыруеит шаҟа бзиа узбо». Иисус иҳәеит: «Суаса ԥшқақәа ахьча иеиԥш урхылаԥшла». 17 Нас ахынтә раан дҵааит: «Иоанн иԥа Си́мон, бзиа субома?» Пиотр игәы иалсит Иисус ахынтә раан дахьиазҵааз: «Бзиа субома?» ҳәа. Иара Иисус ус иеиҳәеит: «Иҳақәиҭу, уара зегь удыруеит. Уара иудыруеит шаҟа бзиа узбо». Иисус иҳәеит: «Суаса ԥшқақәа уреиҷаҳала*. 18 Аиашаҵәҟьа уасҳәоит: еиҳа уанқәыԥшыз, ухала уҽеилоуҳәон, иахьуҭахыз уцон. Аха уқәрахь уаннеилак, унапқәа еиҵухуеит, даҽаӡәы уеилеиҳәоит, иахьуҭахым уигоит». 19 Убас Иисус Пиотр Анцәа дҳаразкуа иԥсышьа зеиԥшрахо иеилиркааит. Урҭ ажәақәа рышьҭахь Иисус иҳәеит: «Анаҩсгьы усышьҭаланы уцала».
20 Пиотр данынхьаԥш ибеит уаххьа анырфоз Иисус иҽидҵаны: «Иҳақәиҭу, узҭиуада?» — ҳәа иазҵааз, бзиа иибоз иҵаҩы дрышьҭаланы дшаауаз. 21 Уи даниба, Пиотр Иисус ус иеиҳәеит: «Иҳақәиҭу, ари иԥеиԥшуи?» 22 Иисус иҳәеит: «Схынҳәаанӡа иԥсы ҭазарц сҭахызар, уара уи гәҭыхас изумазар акәуи? Уара уакәзар, анаҩсгьы усышьҭаланы уцала». 23 Аишьцәа рыбжьара уи аҵаҩы дыԥсӡом ҳәа уҳәан-сҳәан дәықәлеит. Аха Иисус дыԥсӡом ҳәа акәӡам ииҳәаз, иара ииҳәаз «схынҳәаанӡа иԥсы ҭазарц сҭахызар, уара уи гәҭыхас изумазар акәуи?» ҳәа ауп.
24 Уи аҵаҩы абри зегь иазышаҳаҭуа, абри зегьы зҩыз иоуп. Ҳара иаҳдыруеит уи ишаҳаҭра шиашоу.
25 Иисус иҵегь иҟаиҵаз рацәоуп. Уи зегь инҭырҳәыцааны ашәҟәеикәарҳәқәа рынҵара уалагар, адунеигьы иазкрым ҳәа сгәы иаанагоит.
Ма «Анцәа иеиԥшын».
Ма «иԥсҭазаара».
Ма «Иара Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи аҵабырги рыла дҭәын».
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 10-тәи асааҭ».
Иаанагоит «ахәша зыхьшьу».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «равви́».
«Аԥҳәыс» ҳәа анырҳәоз, уи аԥҳәыс лыпату ланарҟәӡомызт.
Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Ма «аџьармыкьа».
Ма «сахыбаауеит».
Ма «ихьӡ агәра ргеит».
Ма «адыргақәа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «равви́».
Мамзаргьы иҟалап «хыхьынтәи».
Зыӡбахә ҳәоу ашьаҟа дкыдҵаны дшыршьуа ауп.
Ма «ахаҵара усла иаазырԥшуа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Ихьӡ агәра имгаӡеит».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «равви́».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «имҳәыр ааирхеит».
Ма «ишәаны-изаны акәӡам ишуиҭо».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 6-тәи асааҭ цон».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Аб».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «равви́».
Ма «амхқәа шкәакәахахьеит».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иԥсы шҭоу».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь абыжьбатәи асааҭ азы».
Ма «зшьапқәа ма знапқәа ҩази».
Ари ажәеинраала абиблиатә еиҭагақәак рҿы иҟоуп, аха зыгәра угартә иҟоу ажәытә бырзен манускриптқәа рҿы иҟаӡам. Шәахәаԥш Ацҵа А3.
Ма «уиарҭа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иҩныҵҟа аԥсҭазаара шимоу еиԥш».
Иԥсхьоу, аха Анцәа игәалашәараҿы иҟоу.
Адинар — 3,85 грамм иҟаз раӡны ԥаран. Уи мышкала идырҳауан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «25-30 стади». Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «равви́».
Ма «дшизыразу ала амҳәыр иааирхеит».
Ма «дыргоу».
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «адунеи».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шәыҩныҵҟа аԥсҭазаара шәымаӡам».
Мамзаргьы иҟалап «жәлар реизараҿы».
Ма «дыџьнышуп».
Зыӡбахә ҳәоу аиудеиаа рдиннапхгаҩцәа роуп.
Араввинцәа рышколқәа рҿы.
Зыгәра угартә иҟоу имаҷымкәа ажәытә манускриптқәа рҿы иҟаӡам Ин 7:53—8:11.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «цәеижьла».
Зыӡбахә ҳәоу ашьаҟа дкыдҵаны дшыршьуа ауп.
Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».
Ма «аханатә аахыс».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «равви́».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иусқәа».
Ма «ҳаҭыр ду иқәызҵои». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анцәа ицәшәара».
Зыӡбахә цо асинагога дахьалырцаз акәзар ауеит.
Ма «иԥсҭазаара».
Ма «сыԥсҭазаара».
Уи абарҵа ахыб агәашьақәа аҵагылан.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «исымҟәыҵиԥааӡом».
Ма «аӡәк иеиԥш ҳаҟоуп».
Ма «Анцәа шәиеиԥшуп».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «равви́».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, 15 стади. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ҳҭыԥи».
Ма «Ефраи́м».
Римтәи афунт, 327 грамм. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Адинар — 3,85 грамм иҟаз раӡны ԥаран. Уи мышкала идырҳауан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иагьымԥсыр».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иԥсыр».
Ма «зыԥсҭазаара».
Ма «зыԥсҭазаара».
Ма «иԥсҭазаара».
Зыӡбахә ҳәоу ашьаҟа дкыдҵаны дшыршьуа ауп.
Зыӡбахә ҳәоу ашьаҟа дкыдҵаны дшыршьуа ауп.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «инапы».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ишәасҳәашеи ишәсырҵашеи атәы аԥҟара сиҭеит».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иԥҟара».
Ма «иара иитәқәоу».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ишьхәа шьҭихит».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахәыҷқәа».
Ма «сыԥсҭазаарагьы».
Ма «уԥсҭазаара».
Ма «гәырҭынчҩык». Иисус ахаҿы змам амч (бырзен бызшәала амаҭәар акласс), иԥшьоу адоуҳа, «ацхырааҩ» (бырзен бызшәала ахацәа рыкласс) ҳәа азҳәаны, аԥсы ҭоушәа иааирԥшуеит.
Ма «шәиаҭымны».
Ма «иара иҿы анхарҭаҭыԥ ҟаҳҵоит».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҽаҩра шәзаагаӡом».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҽаҩра ду ааигоит».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҽаҩра ду анаажәго».
Ма «сыбзиабараҿы шәаанхала».
Ма «зыԥсҭазаара».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҽаҩра аажәгаларц».
Ма «гәырҭынчҩык». Иисус ахаҿы змам амч (бырзен бызшәала амаҭәар акласс), иԥшьоу адоуҳа, «ацхырааҩ» (бырзен бызшәала ахацәа рыкласс) ҳәа азҳәаны, аԥсы ҭоушәа иааирԥшуеит.
Ма «шәшьацәхнымсырц азоуп».
Ма «агәырҭынчҩы». Иисус ахаҿы змам амч (бырзен бызшәала амаҭәар акласс), иԥшьоу адоуҳа, «ацхырааҩ» (бырзен бызшәала ахацәа рыкласс) ҳәа азҳәаны, аԥсы ҭоушәа иааирԥшуеит.
Ма «агәырҭынчҩы». Иисус ахаҿы змам амч (бырзен бызшәала амаҭәар акласс), иԥшьоу адоуҳа, «ацхырааҩ» (бырзен бызшәала ахацәа рыкласс) ҳәа азҳәаны, аԥсы ҭоушәа иааирԥшуеит.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ацәгьа».
Адами Евеи ахшара роуаанӡа.
Уи архаҿы аӡынрагьы аӡиас ҭабон, ақәаршҩы млеиуазҭгьы.
Ма «ари адунеи иатәӡам».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 6-тәи асааҭ цон».
Шәахәаԥш Ажәар.
«Аԥҳәыс» ҳәа анырҳәоз, уи аԥҳәыс лыпату ланарҟәӡомызт.
Ма «агубка».
Шәахәаԥш Ажәар.
Римтәи афунтқәа, 30-ҟа кьыла. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Мамзаргьы иҟалап «еилаҳәарак».
Ма «ақәны иалхыз акәыршақәа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҭынчра».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҭынчра».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҭынчра».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахәыҷқәа».
Ма «иуфаша аԥсыӡ».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «200 мышьхәылҵ раҟара». Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «акрырҿаҵала».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «акрырҿаҵала».