Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • nwt Аусқәа 1:1—28:31
  • Аусқәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аусқәа
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Аусқәа

АПОСТОЛЦӘА ИҞАРҴОЗ АУСҚӘА

1 Феофи́л, раԥхьа изҩыз ашәҟәаҿы Иисус ажәҩан ахь дхалаанӡа иҟаиҵоз, ауаа идирҵоз атәы ак агмыжькәа изҩит. 2 Ажәҩан ахь дхалаанӡа, уаанӡа иалиххьаз апостолцәа иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала анапхгара риҭеит. 3 Агәаҟрақәа анихига ашьҭахь иԥсы шҭалаҵәҟьаз зныкымкәа ишьақәырӷәӷәаны агәра диргеит. Иара 40 мшы рыҩныҵҟа ихы дирбон, насгьы Анцәа Иаҳра аӡбахә рзеиҭеиҳәон. 4 Убас зны ианеиқәшәа, ус реиҳәеит: «Саб шәзықәиргәыӷыз, саргьы зыӡбахә шәасҳәоз шәоуаанӡа, Иерусалим шәалҵны џьаргьы шәымцан. 5 Иоанн ауаа ӡыла ауп ишӡааихуаз, аха шәара иаарласны иԥшьоу адоуҳала шәӡааххоит».

6 Иисуси дареи еиҭа ианеиқәшәа, ус иазҵааит: «Иҳақәиҭу, уажәы акәӡами Израильтәи аҳра анеиҭашьақәургыло?» 7 Иара ус реиҳәеит: «Саб иалихыз аамҭеи асааҭи рдырра шәара ишәыхәҭаӡам. Зегь аҿҳәара рыҭара азин змоу иара заҵәык иоуп. 8 Аха иԥшьоу адоуҳа аншәоулак, амчгьы шәоуеит, усҟан Иерусалими, Иудеиеи, Самариеи инадыркны адгьыл аҵыхәанӡа шаҳаҭцәас шәысзыҟалоит». 9 Абри ҳәаны даналга, ажәҩан ахь ахалара дшалагаз рбеит. Ус, ишихәаԥшуаз, аԥҭа даҵәахит. 10 Ажәҩан иаҵаԥшуа ишгылаз, иаалырҟьаны амаҭәа шкәакәа зшәыз ҩыџьа ахацәа нарыдгылан, 11 ус рҳәеит: «Галилеиаа, ажәҩан шәаҵаԥшуа шәызгылои? Шәара ишәыцыз, аха ажәҩан ахь ихалаз Иисус абыржәы дышцаз еиԥш ауп данаауагьы дшаауа».

12 Нас Амаслинаҵлақәа рышьха аҟынтә илбаан, Иерусалимҟа ихынҳәит. Уи ашьха Иерусалим иацәыхараӡам, километрак аҟара ауп ибжьоу*. 13 Ианыхынҳә, иахьаангылаз инеин, хыхьтәи ауадахь ихалеит. Урҭ Пиотри Иоанни, Иакови Андреии, Филиппи Фоме́и, Варфоломе́ии Матфеии, Алфе́и иԥа Иакови, иҳаҵҳаҵо ҳәа изышьҭаз Си́мони, Иаков иԥа Иудеи ракәын. 14 Дара еснагь еизаны Анцәа еициҳәон. Урҭ иара убас ирыцын Иисус иан Мариеи, Иисус иашьцәеи, егьырҭ аҳәсеи.

15 Убас зны 120-ҩык раҟара еизаны ианыҟаз, Пиотр аишьцәа днарылагылан, ус иҳәеит: 16 «Сашьцәа, иԥшьоу адоуҳа Давид ила Иуда изкны иаҳәаз ажәақәа наӡараны иҟан. Иуда иакәхеит Иисус дыкны дыргарц азы ауаа аазгаз. 17 Иуда иаҳуаӡәкыз аӡә иакәын. Иаргьы ҳара ҳаиԥш ари амаҵзура инапы алакын. 18 (Иҟаиҵаз ацәгьаразы иоуз аԥара ала адгьыл ааихәеит. Хыла длеин, дҟәыбаса дцеит, иӷрагьы арахь иҭыбгеит. 19 Иҟалаз Иерусалим инхоз зегьы ираҳаит, уи аҭыԥгьы дара рбызшәала Акелдама́ ахьӡырҵеит. Уи иаанагоит «ишьаарҵәыроу адгьыл».) 20 Аԥсаломқәа рҿы иануп: „Иҩны қьаԥҭахааит, уа уаҳа аӡәгьы днымхалааит“, иара убас иануп: „Иҭыԥ даҽаӡәы иааникылааит“. 21 Убри аҟынтә Иҳақәиҭу Иисус дҳацнаҵы иҳацыз рҟынтә аӡә далхтәуп. 22 Уи Иоанн Иисус данӡааих инаркны Анцәа Иисус ажәҩан ахь дигаанӡа иҳацыз иакәзароуп. Иаргьы ҳара ҳаиԥш Христос иԥсы шҭалаз шаҳаҭра азиулароуп».

23 Усҟан аишьцәа ҩыџьа рыӡбахә рҳәеит: Иосифи Ма́тфии. Иосиф Варса́ва ҳәагьы иарҳәон, Иуст ҳәагьы иарҳәон. 24 Нас абас Анцәа иҳәара иалагеит: «Иегова*, уара зегьы ргәы иҭоу удыруеит, иҳарба абарҭ ҩыџьа рҟынтә иалухыз дызусҭоу, 25 Иуда иҭыԥан апостолс умаҵ иуларц азы, избанзар Иуда иҭыԥ ааныжьны, даҽа мҩак алихит». 26 Нас аҵәы ҭарыԥсан*, Ма́тфи иқәшәеит, иаргьы 11-ҩык апостолцәа иҽрыдикылеит.

2 Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа аҽны дара зегьы ҭыԥк аҿы еизеит. 2 Ус, иаалырҟьаны ажәҩан аҟынтә аԥша цәгьа абжьы угәалазыршәоз бжьык аагеит. Уи абжьы аҵаҩцәа ахьтәаз аҩны зегь иҩныҩит. 3 Дара ирбеит амцабз ашәахәақәа иреиԥшыз акы. Урҭ амцабзқәа рҽеиҩыршан, аҵаҩцәа зегьы акака рхаԥхеит. 4 Усҟан зегьы иԥшьоу адоуҳа роун, еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ацәажәара иалагеит. Уи алшара рызҭаз иԥшьоу адоуҳа ауп.

5 Уи аамҭазы Иерусалим иҟан еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә иааз Анцәа ицәшәоз аиудеиаа. 6 Уи абжьы цәгьа анга, ажәлар еизеит. Дара шанханы иҟан, избанзар аҵаҩцәа злацәажәоз абызшәақәа дасу еиликаауаз абызшәақәа ракәын. 7 Ажәлар иҟалаз уамашәа ибаны ирҳәон: «Арҭ зегь галилеиаа ракәӡами? 8 Избан, нас, дасу ҳхатәы бызшәа зҳаҳауа? 9 Па́рфиааи, ми́дааи, елами́тааи, Месопотамиеи, Иудеиеи, Каппадо́киеи, По́нти, Азиеи*, 10 Фри́гиеи, Памфи́лиеи, Египети инхо, Кире́на ааигәара иҟоу Ливиа инхо, иара убас Римынтәи иааз — ауриацәа реиԥш, апрозелитцәагьы, 11 кри́тааи, ара́виааи — ҳаззегьы иҳаҳауеит, дара ҳбызшәақәа рыла Анцәа иус џьашьахәқәа ишрылацәажәо». 12 Зегь шанханы, ирҳәо иақәымшәо, аӡәи-аӡәи еизҵаауан: «Иаанагои ари зегьы?» 13 Аха иҟан: «Арҭ аҩы иашьит», — ҳәа ирхыччозгьы.

14 Пиотр 11-ҩык апостолцәа дрыцны дааскьан, ибжьы ҭыганы ус иҳәеит: «Иудеиеи Иерусалими ирықәынхо ажәлар, исҳәо шәазыӡырҩны шәхахьы инажәг. 15 Арҭ ауаа аҩы иашьны иҟоуп ҳәа шәгәы иаанамган, избанзар макьана шьыжьуп, асааҭ 9* роуп иҟоу. 16 Ижәбо-ишәаҳауа иаанаго аԥааимбар Иои́ль ииҳәаз шынаӡаз ауп. Иара иҳәеит: 17 „Аҵыхәтәантәи амшқәа раан, — иҳәоит Анцәа, — сара ауаа зегьы сдоуҳа рысҭоит*, усҟан шәыҷкәынцәеи шәыӡӷабцәеи ԥааимбарлоит, шәырԥарцәа рхаҿы иаазго ахҭысқәа рбалоит, шәыҭаҳмадацәа аԥхыӡқәа рбалоит. 18 Урҭ амшқәа раан сара амаҵуцәагьы сдоуҳа рысҭоит*, — ахацәагьы аҳәсагьы, — дара ԥааимбарлоит. 19 Иара убас ажәҩан аҿы аџьашьахәқәеи адгьыл аҿы адыргақәеи дсырбоит: ашьа, амца, алҩа. 20 Зеиԥшыҟам Иегова* имш ду анааиуа аламҭалазы амра еиқәаҵәахоит, амзагьы ашьа еиԥш иҟаԥшьхоит. 21 Иегова ихьӡ ҳәаны ацхырааразы иҳәо деиқәхоит“.

22 Израильаа, шәысзыӡырҩы! Анцәа еилыкка ишәирбеит, назареттәи Иисус даазышьҭыз иара шиакәу. Уи агәра шәиргарц азы иара Иисус ила шәыбжьара узыршанхо аусқәеи аџьашьахәқәеи ҟаиҵеит, адыргақәагьы шәирбеит. Уи шәхаҭагьы ижәдыруеит. 23 Шәара уи ауаҩ агәнаҳаҟаҵаҩцәа рнапала ашьаҟа дкыдҵаны дышәшьит. Анцәа иӡбахьан ус шыҟалоз, иагьидыруан ус шизыжәуаз. 24 Аха Анцәа уи иԥсы ҭеиҵан, аԥсра дампыҵихит, избанзар аԥсра уи инкылара алшомызт. 25 Давид Христос изкны иҳәоит: „Иегова есымша сыбла дыхгылоуп, иара сарӷьараҿы дгылоуп, акгьы сацәымшәаларц азы. 26 Убри аҟынтә сгәы ҭгәырӷьаауеит, сыбз агәырӷьара ықәуп. Сара уара суқәгәыӷуа сынхалоит, 27 избанзар уара анышә* сшамоу сынужьӡом, гәыкала иузиашоугьы анышә дафар ууӡом. 28 Уара аԥсҭазаара амҩа сурбеит, уааигәара саныҟало, сгәы гәырӷьарыла иурҭәуеит“.

29 Сашьцәа, азин сышәҭозар, иаахтны ишәасҳәарц исҭаху абри ауп: ҳабацәа раб Давид дыԥсит, дыржит, идамра иахьа уажәраанӡагьы иҟоуп. 30 Давид дԥааимбарын, иара идыруан, Анцәа дықәны ишиеиҳәахьаз ихылҵуа рҟынтә аӡәы иаҳраҭыԥ аҿы дыширтәо. 31 Иара Христос иԥсы шҭалоз заа идырхьан азы иҳәеит, Анцәа Христос дызмаз анышә* аҿы дшаанимыжьуаз, анышә дафаргьы шимуаз. 32 Анцәа Иисус иԥсы ҭеиҵеит, ҳара зегьы уи ҳаблала иаҳбеит. 33 Иисус ажәҩан ахь дхалан, Анцәа иарӷьарахь дтәеит, насгьы, Анцәа ишиҳәахьаз еиԥш, иԥшьоу адоуҳа иоуит. Убри аҟынтә Иисус уи адоуҳа ҳаргьы иҳаиҭеит. Убри ауп уажәы ижәбогьы, ишәаҳауагьы. 34 Давид ажәҩан ахь дхамлаӡеит, аха иҳәеит: „Иегова Исықәиҭу иеиҳәеит: ‚Сарӷьараҿы утәаз, 35 уаӷацәа ушьапаҿы ишьҭасҵаанӡа‘“. 36 Убри аҟынтә израильтәи ажәлар зегьы идырны ирымазааит, ашьаҟа икыдҵаны ишәшьыз Иисус Анцәа Христос иакәны, насгьы Иҳақәиҭу иакәны дшыҟаиҵаз».

37 Ираҳаз ажәақәа ргәаҵанӡа инеин, Пиотри егьырҭ апостолцәеи ус рарҳәеит: «Ҳашьцәа, иҳашәҳәа, иҟаҳҵарызеи?» 38 Пиотр иҳәеит: «Шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәны, Иисус Христос ихьӡала аӡы шәыҽӡаашәх, усҟан шәыгәнаҳақәа шәанажьхоит, ҳамҭасгьы иԥшьоу адоуҳа шәоуеит, 39 избанзар Ҳанцәа Иегова иҳәахьан, шәхәыҷқәеи шәареи иԥшьоу адоуҳа шшәиҭо, хара иҟоугьы ишриҭо. Иара уи иара иахь иааиԥхьо зегьы ириҭоит». 40 Пиотр зыгәра угартә иҟаз имаҷымкәа егьырҭ ашьақәырӷәӷәарақәагьы ааганы*, ус реиҳәон: «Ари абиԥара цәгьа шәхы ацәыжәга». 41 Пиотр ииҳәаз гәырӷьаҵәа издызкылаз аӡы рыҽӡаархит, уи аҽны 3 000-ҩык раҟара ауаа Иисус иҵаҩцәа рыҽрыдыркылеит. 42 Дара ааҟәымҵӡакәа, игәырӷьаҵәа апостолцәа рҿы аҵара рҵон, аамҭа еицырхыргон*, акреицырфон, Анцәа еициҳәон.

43 Зегьы Анцәа ицәшәо* иалагеит, избанзар апостолцәа имаҷымкәа аџьашьахәқәеи узыршанхо аусқәеи шыҟарҵоз рбон. 44 Иисус иҵаҩцәахаз зегьы џьарак еицыҟан, ирымаз зегь еицырзеиԥшын, еицеиҩыршон. 45 Дара ирымаз — дгьылума, даҽакума — иҭины, идырҳаз дасу игу-ибзоу иазхәыцны ирзыршон. 46 Дара зегьы есыҽны аныҳәарҭаҿы еизон, акреицырфарц азы еиҭанеиааиуан, игәырӷьаҵәа, гәыкала рчеиџьыка еицеиҩыршон, 47 Анцәагьы дҳараркуан. Ажәлар уи ргәы иахәон. Иеговагьы есыҽны аиқәхара амҩа ианылоз ауаа рзациҵон.

3 Пиотри Иоанни аныҳәарҭахь амҩа иқәын. Шьыбжьон, асааҭ 3 раҟара* ыҟан, Анцәа иҳәара иаамҭан. 2 Убри аамҭазы уахь днаргеит ицыркьуаз хаҵак. Иара дааиижьҭеи дцыркьуан. Уи есыҽны Агәашә ԥшӡа ҳәа изышьҭаз аныҳәарҭа агәашә аԥхьа ддыртәон, аныҳәарҭахь инеиуаз ауаа инапы рымҵакны дрыҳәаларц азы. 3 Пиотри Иоанни аныҳәарҭа агәашә ишҭалоз аниба, урҭгьы инапы рымҵеикит. 4 Дара ниҿаԥшын: «Уҳахәаԥш», — ҳәа иарҳәеит. 5 Иаргьы ак сырҭондаз ҳәа ила ҭраа днарҿаԥшит. 6 Усҟан Пиотр иҳәеит: «Ахьи араӡни сымаӡам, аха исымоу усҭоит. Назареттәи Иисус Христос ихьӡала иуасҳәоит: угыланы, аныҟәара уалага!» 7 Абас наиаҳәаны, Пиотр ахаҵа иарӷьа напы кны диргылеит. Ахаҵагьы ишьапқәа иаразнак иӷәӷәахеит. 8 Ашырҳәа ишьапы дҩықәгылан, аныҟәара далагеит, нас дынкаԥа-аакаԥо, Анцәа дырҽхәо, Пиотри Иоанни дрыцны аныҳәарҭахь днеит. 9 Уа иҟаз зегьы ирбеит уи ахаҵа дышныҟәоз, насгьы Анцәа дышҳареикуаз. 10 Агәашә ԥшӡаҿы ауаа знапы рымҵакны итәаз шиакәыз анеилыркаа, даараӡа иџьаршьеит, иҟалазгьы агәра рызгомызт.

11 Иара Пиотри Иоанни рнапы кны дрыцнаҵы, ишанханы иҟаз ауаа еибарыҩуа инеин, Соломон ибарҵа ду* аҿы ирыкәшаны иаагылеит. 12 Пиотр уи аниба, ажәлар ус реиҳәеит: «Израильаа, иҟалаз зџьашәшьои? Ари ауаҩ ҳамчала аныҟәара далагазшәа, ма гәыкала Анцәа ҳахьизиашоу абзоурала уи ҳалшазшәа шәызҳахәаԥшуеи? 13 Шәара Иисус ауаа дрышәҭеит, дыршьырц азы, Пилат иҿаԥхьа мап ицәышәкит, иара уи доуишьҭырц шиҭахызгьы. Аха Авраами, Исааки, Иакови Рынцәа, ҳабацәа рабацәа Рынцәа, Имаҵзуҩы — Иисус — дҳареикит. 14 Шәара Анцәа иҿаԥхьа ииашаз уи ауаҩы цқьа мап ицәышәкит, насгьы Пилат шәиҳәеит, ашьра ҟазҵаз ауаҩы доуишьҭырц. 15 Шәара аԥсҭазаара ҳазҭо Аԥхьагылаҩ дышәшьит, аха Анцәа уи иԥсы ҭеиҵеит, ҳара зегьы уи ҳаблала иаҳбеит. 16 Ижәбо, ижәдыруа ари ахаҵа ишьапқәа злаӷәӷәахаз Иисус ихьӡ абзоуралеи игәра ахьаҳго абзоуралеи ауп. Ишыжәбо еиԥш, Иисус иахь иҳамоу ахаҵара ари ахаҵа дахәышәтәит. 17 Сашьцәа, издыруеит шәнапхгаҩцәа реиԥш шәаргьы иҟашәҵоз шышәзеилымкаауаз. 18 Аха убасала Анцәа инаигӡеит Иалихыз* дгәаҟраны дыҟоуп ҳәа аԥааимбарцәа зегь рыла ииҳәахьаз ажәақәа.

19 Шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәы, шәҽышәыԥсах*, шәыгәнаҳақәа шәанажьхарц азы, Иегова* аҭынчра шәиҭарц* азы, 20 насгьы ишәзалихыз Христос — Иисус — дааишьҭырц азы. 21 Анцәа ажәытәан гәыкала имаҵ зуаз иԥшьоу аԥааимбарцәа рыла иҳәахьан, мышкызны зегь шеиҭашьақәиргыло. Уи аамҭа ааиаанӡа Иисус ажәҩан аҿы дыԥшызароуп. 22 Моисеи иҳәеит: „Шәынцәа Иегова шәашьцәа рҟынтә сара исеиԥшу аԥааимбар дшәиҭоит. Ииҳәо зегь ҟашәҵала. 23 Уи Аԥааимбар изымӡырҩуа дықәгахоит“. 24 Самуил инаиркны аԥааимбарцәа зегьы арҭ амшқәа рыӡбахә аартны ирҳәон. 25 Шәара аԥааимбарцәа ирхылҵыз шәоуп. Урҭ аԥааимбарцәа Анцәа шәабацәа рабацәеи иареи рыбжьара ибжьеиҵаз аиқәшаҳаҭра аӡбахә рҳәон. Уи аиқәшаҳаҭра шәаргьы ишәызкуп, избанзар Анцәа Авраам иеиҳәахьан: „Уара иухылҵуа ила адгьыл иқәынхо ажәларқәа зегь ныҳәахоит“. 26 Анцәа раԥхьа шәара шәахь ауп Имаҵзуҩы дахьааишьҭыз, шәус цәгьақәа рааныжьра дшәыцхраарц, насгьы шәиныҳәарц азы».

4 Пиотри Иоанни ажәлар иахьынӡарацәажәоз, аԥшьаҩцәеи, аныҳәарҭа аиҳаби, асаддукеицәеи нарыдгылеит. 2 Дара ргәы ԥжәаны иҟан, апостолцәа ажәлар Анцәа иажәа ахьыддырҵоз, насгьы Иисус иԥсы шҭалаз аартны иахьрарҳәоз азы. 3 Убри аҟынтә икны, адырҩаҽнынӡа иганы иҭаркит, избанзар аилахәлара иалагахьан. 4 Аха иӡырҩуаз рҟынтә аӡәырҩы ираҳаз агәра ргеит, убри аҟынтә ахаҵара иалагаз ауаа* рхыԥхьаӡара 5 000-ҩык рҟынӡа инаӡеит.

5 Адырҩаҽны Иерусалим еизеит ажәлар рнапхгаҩцәеи, азакәанрҵаҩцәеи, 6 аԥшьаҩ еиҳабы Аннеи, Каиа́феи, Иоанни, Александри. Иара убас еизеит аԥшьаҩ еиҳабы иуацәа зегьы. 7 Дара Пиотри Иоанни рыгәҭа идыргылан, ус иразҵааит: «Иарбан мчу уи злаҟашәҵаз? Зыхьӡала иҟашәҵада?» 8 Усҟан Пиотр иԥшьоу адоуҳа иоун, ус реиҳәеит:

«Ажәлар рнапхгаҩцәеи аиҳабацәеи! 9 Иахьа иҭышәҵаауа ицыркьуаз ауаҩы изыҟаҳҵаз абзиара акәзар, еилышәкаарц ишәҭаху уи дшыбзиахаз акәзар, 10 израильтәи ажәларгьы шәаргьы идырны ишәымазааит: ицыркьуаз ари ауаҩ дызлаҳхәышәтәыз ашьаҟа икыдҵаны ишәшьыз назареттәи Иисус Христос ихьӡала ауп. Шәара уи ашьаҟа дкыдҵаны дышәшьит, аха Анцәа иԥсы ҭеиҵеит. Иисус ибзоуралоуп уажәы ари ауаҩ шәара шәҿаԥхьа ишьапы дызлақәгылоу. 11 Уи „шәара, аргылаҩцәа, ишәҭахымхаз ахаҳә иоуп, иара хыхьтәи акәакь аҿы ишьҭарҵо ахаҳә иакәны дҟалеит“. 12 Иара ида уаҳа аӡәгьы ҳаизеиқәырхом, избанзар адгьыл аҿы ҳаиқәзырхар зылшо даҽа хьӡык ыҟам».

13 Дара Пиотри Иоанни мшәаӡакәа зегь аартны ишырҳәоз анырба, аҵара шрымамыз*, насгьы ауаа ирылукаартә ишыҟамыз анеилыркаа, даараӡа иџьаршьеит. Аха нас ирдырит урҭ Иисус ицыз шракәыз. 14 Дара ирбон, ибзиахаз уи ахаҵа Пиотри Иоанни дышрывагылаз, убри азы ирҳәаша ҳәа акгьы рымамызт. 15 Убри аҟынтә дара урҭ Асинедрио́н шәыҩныҵ ҳәа нарарҳәан, абас аилацәажәара иалагеит: 16 «Ирзаҳаурызеи, уара, арҭ? Дара аџьашьахәы ҟарҵаҵәҟьеит. Уи Иерусалим инхо зегьы ирбеит, ҳаргьы иҟарымҵаӡеит ҳәа ҳазҳәом. 17 Аха уи аӡбахә уаҳа аӡәгьы имаҳарц азы, шәааи, иршәаны, уи ихьӡала уаҳа аӡәгьы акгьы иарымҳәаларц раҳҳәап».

18 Нас апостолцәа аарыԥхьан, Иисус ихьӡала аӡәгьы акгьы иашәымҳәалан, акгьы ишәмырҵалан ҳәа рарҳәеит. 19 Аха Пиотри Иоанни ус рҳәеит: «Шәазхәыци, ииашахома Анцәа иҿаԥхьа иара иакәымкәа, шәара ҳашәзыӡырҩыр? 20 Ҳара иаҳбаз-иҳаҳаз ҳамҳәар ауам». 21 Усҟан ажәлар рнапхгаҩцәеи реиҳабацәеи урҭ иаарықәмақарын, иоурышьҭит, избанзар иахьдырхәыртә еиԥш ирхарарҵаша ҳәа акгьы рмоуит. Дара ажәларгьы ирыцәшәон, избанзар зегьы иҟалаз азы Анцәа дҳараркуан. 22 Џьашьахәыла ирхәышәтәыз ахаҵа 40 шықәса дырҭысхьан.

23 Ианоурышьҭ, рҩызцәа рахь ицеит, насгьы ирзеиҭарҳәеит аԥшьаҩ еиҳабацәеи ажәлар реиҳабацәеи ирҳәаз зегьы. 24 Уи анраҳа, апостолцәеи дареи Анцәа иҳәара иалагеит:

«Амчра зегь знапаҿы иҟоу Ҳаҳ, уара уоуп изшаз ажәҩангьы, адгьылгьы, амшынгьы. Уара иушеит ажәҩан аҿы иҟоугьы, адгьыл иқәугьы, амшын иҭоугьы. 25 Уара уоуп умаҵ зуаз ҳабацәа раб Давид иԥшьоу адоуҳала абас изырҳәаз: „Избан ажәларқәа рҽыздырцәгьо, адгьыл иқәынхо ауаа акгьы иаԥсам изазхәыцуа? 26 Адгьыл аҳцәа Иеговеи* иара иалихызи* ирҿагыларц азы рыҽдырхиеит, анапхгаҩцәагьы уи азы рҽеидыркылеит“. 27 Ари ақалақь аҿы И́роди Понти Пилати ааидгылан, егьырҭ ажәларқәеи израильааи рыҽрыдкыланы, уара иалухыз* иԥшьоу умаҵзуҩы Иисус иҿагылеит. 28 Дара еизеит, угәҭакы инақәыршәаны, умчала заа иуӡбахьаз нарыгӡарц азы. 29 Иегова, уара иуаҳауеит иҳарҳәо, иубоит ҳашдыршәо. Ҳуҳәоит, уҳацхраа, ҳара, умаҵуцәа, ҳамшәа-ҳмырҳа уажәа ауаа ирылаҳҳәаларц. 30 Анаҩсгьы унапала ауаа хәышәтәла, иԥшьоу умаҵзуҩы Иисус ихьӡала зеиԥшыҟам аусқәеи аџьашьахәқәеи ҟаҵала».

31 Абас иӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа ианиҳәа ашьҭахь, изыҩназ аҩны аахыџхыџит, зегьы иԥшьоу адоуҳа роуит, имшәаӡакәагьы Анцәа иажәа ауаа рылаҳәара иалагеит.

32 Ахаҵара змаз зегьы гәык еицрызҭан, ԥсык* еицырхан, аӡәы имаз зегьы иртәын, сара истәуп ҳәа аӡәгьы иҳәаӡомызт. 33 Апостолцәа ааҟәымҵӡакәа Иҳақәиҭу Иисус иԥсы шҭалаз ауаа ирыларҳәон, рус алҵшәа бзиақәагьы аанагон, Анцәагьы гәыҭбаарала рџьабаа дазылԥхон. 34 Урҭ рыбжьара ак згыз ҳәа аӡәгьы дыҟаӡамызт, избанзар ак змаз — дгьылума, ҩнума — ирымаз ҭины, идырҳаз наганы, 35 апостолцәа ирырҭон. Аԥарақәа дасу игыз-ибзаз иазхәыцны иршон. 36 Убас ҟаиҵеит Кипр иалҵыз алевит Иосифгьы. Апостолцәа уи Варна́ва ҳәа ишьҭан (иаанагоит «ауаа ргәы шьҭызхуа»). 37 Иара имаз адгьыл иҭиин, иоуз аԥара наганы, апостолцәа ириҭеит.

5 Ана́ниа зыхьӡыз хаҵакгьы адгьыл иҭиит. Уи иԥҳәыс Сапфи́ра лыхьӡын. 2 Адгьыл иаҭнихыз аԥара апостолцәа ирызнеигеит, аха зегь неимгаӡеит, избанзар иԥҳәыси иареи шаҟа аҭнырхыз аӡәгьы иарымҳәарц еибырҳәеит. 3 Аха Пиотр Ана́ниа ус иеиҳәеит: «Ана́ниа, Аҩсҭаа ухы-угәы дҭалартә шԥоууи? Иуҭииз адгьыл шаҟа аҭнухыз ӡаны, иԥшьоу адоуҳа ужьарц угәы изҭоуки? 4 Иуҭиаанӡагьы уара иутәӡамзи? Иаҭнухызгьы ишуҭахыз инухыр улымшаӡози? Абри аҩыза аус цәгьа угәы изҭоуки? Иужьаз ауаа ракәӡам, Анцәа иоуп». 5 Ана́ниа ари аниаҳа, дылкаҳан, дыԥсит. Иҟалаз заҳаз зегьы даараӡа ишәеит. 6 Нас ҷкәынцәақәак ааин, Ана́ниа акы дыларҳәан, дганы дыржит.

7 Х-сааҭк раҟара анҵы, иԥҳәысгьы дааит. Аха лара иҟалаз лыздырӡомызт. 8 Пиотр уи длазҵааит: «Абри аҟара ҳәа аума шәыдгьыл шышәҭииз?» Лара илҳәеит: «Аиеи, убри аҟара ҳәа ауп». 9 Усҟан Пиотр ус леиҳәеит: «Бхаҵагьы баргьы Иегова* идоуҳа шәжьарц еибышәҳәама? Адәахьы иго ашьапышьҭыбжь баҳауама? Бхаҵа дызжыз роуп иааиуа, урҭ уажәы баргьы бдәылыргоит». 10 Ларгьы Пиотр иҿаԥхьа дылкаҳан, дыԥсит. Иҩналаз аҷкәынцәа дшыԥсыз анырба, даашьҭырхын, дганы лхаҵа ивараҿы дыржит. 11 Иерусалим иҟаз аҵаҩцәа зегьы уи анраҳа, даараӡа ишәеит. Ишәеит уи заҳаз зегьы.

12 Ауаа ирбон, апостолцәа ирацәаны аџьашьахәқәеи зеиԥшыҟам аусқәеи шыҟарҵоз. Дара зегьы Соломон ибарҵа ду* аҿы еизалон. 13 Аха рыҽрыдкылара аӡәгьы изыгәаӷьуамызт. Ус шакәызгьы, ауаа урҭ рыӡбахә бзианы ирҳәон. 14 Иҳақәиҭу дхазҵоз ҳәсеи-хацәеи рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иазҳауан. 15 Ауаа рчымазцәа ацәардаӷәы ианҵаны, амҩадуқәа рахь идәылыргон, Пиотр диасны данцо ма игага рыхькьысырц азы. 16 Иерусалим иаакәыршаны иҟаз ақалақьқәа рҟынтәгьы ауаа рчымазцәа рыманы иаауан, адемонцәа* зхаԥаны иҟазгьы ааргон. Ачымазцәа зегь бзиахон.

17 Аԥшьаҩ хадеи уи идгылаз асаддукеицәа рсекта иалази ашьыцра рызҵысын, 18 апостолцәа ганы ақалақь аҿы иҟаз абахҭа иҭаркит. 19 Аха уи ауха Иегова имаалықь абахҭа ашәқәа ааиртын, апостолцәа ауишьҭит. Нас ус реиҳәеит: 20 «Аныҳәарҭахь шәцаны ауаа ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара аӡбахә рашәҳәала». 21 Даргьы амаалықь ииҳәаз иазыӡырҩын, ашара иалагон еиԥш аныҳәарҭахь инеит. Уа ауаа Анцәа иажәа дырҵара иалагеит.

Аԥшьаҩ хадеи уи ицызи анеиза, Асинедрио́н иалахәызи израильтәи ажәлар реиҳабацәеи еизыргеит. Нас ауаа рышьҭит, апостолцәа абахҭа аҟынтә иааргарц азы. 22 Аха абахҭахь ианнеи, апостолцәа уа ишыҟамыз рбеит. Ихынҳәны ианаа, 23 ус рҳәеит: «Ҳаннеи, абахҭа ашәқәа ыҵарҟаца иаркын, ахьчаҩцәагьы уа игылан, аха аҩныҵҟа ҳаныҩнала, аӡәгьы дҳамбаӡеит». 24 Аныҳәарҭа аиҳаби аԥшьаҩ еиҳабацәеи ираҳаз ажәақәа џьаршьеит, иҟарҵо рзымдыруа иқәхеит. 25 Убри аамҭазы аӡә дааин, ус реиҳәеит: «Абахҭа иҭашәкыз аныҳәарҭаҿы игыланы, ауаа Иисус иӡбахә рзеиҭаҳәара иаҿуп». 26 Усҟан аныҳәарҭа аиҳабы ауаа иманы дцан, апостолцәа ааигеит. Аха аныҳәарҭа аиҳабгьы ицыз ауаагьы апостолцәа ирыламкьысӡеит, избанзар ажәлар ахаҳә иадыргар ҳәа ишәон.

27 Апостолцәа аарган, Асинедрио́н аҿы идыргылеит. Нас аԥшьаҩ хада азҵаарақәа анриҭа ашьҭахь, ус иҳәеит: 28 «Ари ауаҩ ихьӡала аӡәгьы акгьы ишәмырҵалан ҳәа шәаҳамҳәаӡази?! Шәара шәаалаган, Иерусалим зегь шәҵарақәа рыла ишәырҭәит. Ари ауаҩ дызшьыз ҳара ҳакәушәа, ишьа ҳара иҳадушәа ахара ҳадышәҵаргьы шәҭахуп». 29 Пиотри егьырҭ апостолцәеи ус рҳәеит: «Ҳара ҳаззыӡырҩлаша ауаа ракәӡам, Анцәа иоуп. 30 Шәара Иисус ашьаҟа дкыдҵаны дышәшьит, аха ҳабацәа рабацәа Рынцәа уи иԥсы ҭеиҵеит. 31 Анцәа уи дҳареикын, иарӷьараҿы диртәеит, Ԥхьагылаҩысгьы, Еиқәырхаҩысгьы дҟаиҵеит, израильаа рыгәнаҳақәа рыхьхәра рылшарц, насгьы урҭ ранажьхарц азы. 32 Ҳара уи ҳаблала иаҳбеит, Анцәа изыӡырҩуа ириҭаз иԥшьоу адоуҳагьы ҳацхрааит ауаа уи аӡбахә рылаҳәара».

33 Ари заҳаз рыԥсахы еибакит, апостолцәа ршьырцгьы рҭаххеит. 34 Усҟан Гамалии́л зыхьӡыз афарисеи дҩагылан, апостолцәа дәылыргарц адҵа ҟаиҵеит. Иара ҳаҭыр зқәырҵоз закәанрҵаҩын. 35 Нас Гамалии́л ус иҳәеит: «Израильаа, арҭ ауаа ак рзыжәуаанӡа цқьа шәаахәыц. 36 Уажә ааигәа дцәырҵны дыҟан уаҩ дук иакәушәа зхы зыԥхьаӡоз Фе́вда зыхьӡыз аӡәы, ишьҭалазгьы 400-ҩык раҟара ыҟан. Аха дабаҟоу уажәы? Дыршьит, ишьҭалазгьы хара-бӷьара еимпын, иныҵаба ицеит. 37 Уи ишьҭахь, ажәлар ашәҟәы ианҭарыҩуаз аамҭазы, галилеиатәи Иуда ҳәа даҽаӡә даацәырҵит. Иаргьы ишьҭалақәаз ҟалеит, аха дабаҟоу, уигьы дҭахеит, ишьҭалақәазгьы еиԥхьыттеит. 38 Убри аҟынтә ишәасҳәоит: шәырҟәаҵ абарҭ ауаа, шәрыламкьысын. Ари аус ауаа иртәызар — ихыбгалоит, 39 Анцәа итәызар — ишәзаанкылом. Убри аҟынтә шәгәышәҽаныз, избанзар шәызҿагыланы шәзабашьуа Анцәа иакәхар ҟалоит». 40 Урҭ Гамалии́л ииҳәаз иазыӡырҩит. Анаҩс апостолцәа аарган ирыпҟеит, нас Иисус ихьӡала уаҳа аӡәгьы акгьы иашәымҳәалан ҳәа нараҳәаны иоурышьҭит.

41 Апостолцәа Иисус ихьӡ азы агәаҟрақәа рыхгара ахьраҭәашьахаз иеигәырӷьо, Асинедрио́н идәылҵит. 42 Дара есыҽны аныҳәарҭаҿы, иара убас ҩнаҭацыԥхьаӡа иааҟәымҵӡакәа ауаа Анцәа иажәа ддырҵон, насгьы Христос Иисус изку ажәабжь бзиа рыладырҵәон.

6 Урҭ амшқәа рзы Иисус иҵаҩцәа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иацлон. Усҟан бырзен бызшәала ицәажәоз ауриацәа ауриа бызшәала ицәажәоз ауриацәа ирзашшуа иалагеит, избанзар афатә аныршоз, бырзен бызшәала ицәажәоз ауриацәа рыбжьара иҟаз аҳәсеибацәа рыхәҭаа роуӡомызт. 2 Усҟан 12-ҩык апостолцәа аҵаҩцәа зегь еизырган, ус рарҳәеит: «Ауаа Анцәа иажәа дырҵара ҳаҟәыҵны, афатә ашара ҳалагар иашахом. 3 Убри аҟынтә, аишьцәа, иалышәх шәыбжьара ари аус хада знапы ианаҳҵаша узықәгәыӷыртә иҟоу, иԥшьоу адоуҳа змоу, иҟәышу 7-ҩык ахацәа. 4 Ҳара ҳакәзар, ҳамч-ҳалшара Анцәа иҳәареи Анцәа иажәа ауаа дырҵареи иазаҳкып». 5 Апостолцәа ирҳәаз зегьы иргәаԥхеит. Дара абарҭ ахацәа алырхит: иԥшьоу адоуҳала иҭәыз, ахаҵара ӷәӷәа змаз Стефа́н, иара убас Филиппи, Про́хори, Никанори, Тимо́ни, Парме́ни, Антио́хиа иатәыз ипрозелитыз Николаии. 6 Нас урҭ нарган, апостолцәа рҿаԥхьа идыргылеит. Апостолцәа Анцәа ианиҳәа ашьҭахь рнапқәа урҭ инарықәырҵеит.

7 Анцәа иажәа ауаа еиҳа-еиҳа ирылаҵәон, Иерусалим иҟаз аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иазҳауан, имаҷҩымкәа аԥшьаҩцәагьы ахаҵара рыдыркылеит.

8 Анцәа дыззыразыз, имч змаз Стефа́н ауаа рҿаԥхьа имаҷымкәа аџьашьахәқәеи узыршанхо аусқәеи ҟаиҵон. 9 Аха Ахақәиҭра зауз рсинагога ҳәа изышьҭаз асинагога аҟынтә шьоукы Стефа́н ажәа имакра иалагеит, иара убас ажәа имаркуан Кире́неи, Александри́еи, Килики́еи, Азиеи* рҿы инхоз шьоукы. 10 Аха дара ииҳәоз изаҿагыломызт, избанзар Стефа́н ииҳәоз зегь иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала иҳәон, иажәақәагьы аҟәыӷара ду рыҵан. 11 Усҟан дара шьоук рыԥшаан, ауаа абас рыларҵарц рарҳәеит: «Ҳара иҳаҳаит иара Моисеии Анцәеи иакәым шырзиҳәоз». 12 Иара убас ажәлари, ажәлар реиҳабацәеи, азакәанрҵаҩцәеи Стефа́н игәаӷ ддыркит, нас Стефа́н деимлагәа дыкны, Асинедрио́н ахь дыргеит. 13 Дара Стефа́н амц ҳәаны ахара идызҵоз ауаа ааргеит. Иааргаз ус рҳәеит: «Ари ауаҩ дааҟәымҵӡакәа Анцәа иныҳәарҭеи изакәани иакәым рзиҳәоит. 14 Ҳара иҳаҳаит, иара ишиҳәоз назареттәи Иисус ҳәа изҿу ари аныҳәарҭа ыҟаӡамызшәа иқәигоит, Моисеи иҳаиҭаз аҵасқәагьы иԥсахуеит ҳәа».

15 Асинедрио́н аҿы итәаз зегьы Стефа́н ихәаԥшуан, дара ирбон, Стефа́н ихаҿсахьа амаалықь ихаҿсахьа ишеиԥшыз.

7 Усҟан аԥшьаҩ хада дҵааит: «Ирҳәо иашоума?» 2 Стефа́н иҳәеит: «Сашьцәа, сабацәа, шәысзыӡырҩы. Ҳаб Авраам Месопотамиа далҵны Хара́нҟа дцаанӡа, хьӡи-ԥшеи згым Анцәа дизнеин, 3 ус иеиҳәеит: „Удгьыли ууацәеи ааныжьны, иусырбо адгьыл ахь уца“. 4 Усҟан иара халдеиаа рыдгьыл далҵны, Хара́нҟа нхара дцеит. Уа иаб данԥсы ашьҭахь, Анцәа уи адгьыл ааныжьны, уажәы шәахьынхо адгьыл ахь диасырц иеиҳәеит. 5 Анцәа ара Авраам дгьыл ҿаҵакгьы иимҭаӡеит, аха ихылҵуеи иареи ари адгьыл шриҭо дақәиргәыӷит, усҟан иара ахшара ҳәа аӡәгьы дышимамызгьы. 6 Уи адагьы, Анцәа Авраам иеиҳәеит, ихылҵуа атәым дгьыл аҿы ишынхало, уа маҵуцәас ишыҟарҵо, 400 шықәсагьы ишдыргәаҟло. 7 „Аха сара урҭ маҵуцәас иҟазҵо ажәлар срықәыӡбоит, уи ашьҭахь дара уи адгьыл иалҵуеит, насгьы ари аҭыԥ аҿы сымаҵ рулоит“, — иҳәеит Анцәа.

8 Анцәа Авраами иареи рыбжьара аиқәшаҳаҭра бжьеиҵеит. Уи аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Авраамгьы Авраам ихылҵуаз аҷкәынцәагьы раԥхьатә хырсар акәын. Убри аҟынтә Исаак дани ашьҭахь 8 мшы анҵы, Авраам уи иаԥхьатә хисеит. Исаак Иаков дихылҵит, Иаков — 12-ҩык аԥацәа ихылҵит*. Урҭ 12 биԥара рхадацәа ракәхеит. 9 Абиԥарақәа рхадацәа Иосиф иҵашьыцны Египетҟа дырҭиит, аха Анцәа уи дицын, 10 дзықәшәоз арыцҳарақәагьы дрылигон. Иара уи аҟәыӷара ииҭеит. Египеттәи аҳ, афараон, игәы дақәшәартә еиԥшгьы иҟаиҵеит. Убри аҟынтә афараон уи Египетгьы иҩнгьы дахаиргылеит. 11 Египети Ханаа́ни арыцҳара ду иақәшәеит — амлакра ҟалеит, ҳабацәагьы ирфо рмоуа иқәхеит. 12 Аха Иаков Египет ачарыц шыҟоу иаҳан, ҳабацәа уахь ишьҭит. 13 Даҽазнык ианишьҭ, Иосиф иашьцәа ихы дирдырит. Афараонгьы Иосиф иҭаацәа рыӡбахә иаҳаит. 14 Усҟан Иосиф иаб Иакови иуацәеи Ханаа́нынтә иара иахь инеирц наицҳаит. Инеиз 75-ҩык ыҟан. 15 Нас Иаков Египетҟа нхара диасит. Уа иара дыԥсит, ҳабацәа рабацәагьы уа иԥсит. 16 Урҭ рыбаҩқәа Шехе́мҟа иааргеит, насгьы Авраам Хамо́р иԥацәа рҿы раӡныла иааихәаз адамра иҭарҵеит.

17 Анцәа Авраам ииҭахьаз ажәа наӡараны ианыҟаз аамҭа ааигәахо ианалага, Египет инхоз Иаков ихылҵыз ауаа еиҳа-еиҳа ирацәахо, еиҳа-еиҳа иӷәӷәахо иалагеит. 18 Аха Египет дахагылеит Иосиф дыззымдыруаз даҽа аҳак. 19 Иара ҳажәлар гызмалрыла дрызныҟәон, асабицәа ԥсларц азы абацәа рысабицәа кармыжьыр ада ԥсыхәа рмоуа аҟынӡа инеигон. 20 Убри аамҭазы диит Моисеи. Иара уамакала дыԥшӡан*, хымз рыҩныҵҟа иаб иҩнаҭаҿы драаӡон. 21 Аха иҭаацәа даанырмыжьыр ада ԥсыхәа анырмоу, афараон иԥҳа длыԥшаан, лыҷкәын иеиԥш длааӡеит. 22 Моисеи Египет иреиӷьыз аҵара иоуит. Иара аҿаԥыц ӷәӷәа иҿан, иус аҿгьы дыӷәӷәан.

23 Моисеи 40 шықәса анихыҵ, иашьцәа, израильаа, шынхоз ибарц иӡбеит. 24 Иара ибеит, Египет иатәыз аӡәы израильаа руаӡәк ииашамкәа дышизныҟәоз. Убри аҟынтә иашьа ишьа иурц азы дидгылан, Египет иатәыз уи ахаҵа дишьит. 25 Иара игәы иаанагон, иашьцәа еилыркаауеит ҳәа Анцәа иара ила ишеиқәирхо, аха ирзеилымкааӡеит. 26 Адырҩаҽны дара рахь днеин, ҩыџьа аисра ишаҿыз даарыдгылеит. Урҭ еиниршәарц азы абас реиҳәеит: „Шәеишьцәами, уара, шәзеибапҟои?“ 27 Аха зашьа дзыпҟоз Моисеи днаигәҭасын, ус иҳәеит: „Уара еиҳабыс, ӡбаҩыс уҳазҭада? 28 Иацы Египет иатәыз ахаҵа дшушьыз еиԥш аума саргьы сушьырц шуҭаху?“ 29 Моисеи ари аниаҳа, дыбналаны Мадианҟа дцан, уаҟа анхара далагеит. Уа иара ҩыџьа аԥацәа иоуит.

30 Ицеит 40 шықәса. Моисеи Синаи ашьха ашьапаҿы иҟаз ацәҳәыраҿы даныҟаз, амца зкыз ачықь а́гәҭа амаалықь дизцәырҵит. 31 Моисеи иибаз џьеишьеит. Изакәу збап ҳәа даназааигәаха, Иегова* ибжьы иаҳаит: 32 „Сара уабацәа рабацәа Рынцәа соуп — Авраами, Исааки, Иакови Рынцәа“. Моисеи дшәан, аҵыс-ҵысра далагеит, игәаӷьны уаҳагьы ачықь дамыхәаԥшӡеит. 33 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: „Уеимаақәа ушьх, избанзар узықәгылоу адгьыл ԥшьоуп. 34 Сара избеит, египтаа сыжәлар шдыргәаҟуа, бӷеиҵыхрак шрырымҭо, исаҳаит рыӷызбжьы. Сара урҭ еиқәсырхарц азы сааит. Убри азы Египетҟа усышьҭуеит“. 35 Аха „еиҳабыс, ӡбаҩыс уҳазҭада“ ҳәа ҳәаны мап зцәыркыз убри Моисеи Анцәа ачықь аҿы ицәырҵыз амаалықь ила еиҳабысгьы, еиқәырхаҩысгьы дриҭеит. 36 Уи ауаҩ урҭ Египет иалигеит. Моисеи убраҟагьы, Амшын ҟаԥшь аҿгьы аџьашьахәқәеи узыршанхоз аусқәеи ҟаиҵон, иара убас 40 шықәса рыҩныҵҟа ацәҳәыраҿгьы аџьашьахәқәа ҟаиҵон.

37 Моисеи иоуп израильаа абас разҳәазгьы: „Анцәа шәашьцәа рҟынтә сара исеиԥшу аԥааимбар дшәиҭоит“. 38 Иара иоуп ацәҳәыраҿы израильтәи ажәлар ирыцыз, Синаи ашьхаҿы изцәырҵыз амаалықьгьы уа дицын, иара иоуп ҳабацәа рабацәа ирацәажәоз, иара иоуп Анцәа иҟынтә зыԥсы ҭоу ажәақәа зауз, ҳара ҳҟынӡа иааигарц азы. 39 Аха ҳабацәа Моисеи изыӡырҩра рҭахымхеит азы, мап ицәыркит. Египетҟа ахынҳәра рҭаххан, 40 Аарон ус иарҳәеит: „Ҳаԥхьа игыланы ицало анцәақәа ҳзыҟаҵа, избанзар Египет ҳалызгаз ари Моисеи ихьыз ҳаздырӡом“. 41 Усҟан урҭ аҳәыс асахьа аҭаны анцәахәы ҟарҵан, акәырбанқәа азнарго иалагеит. Нас уи ахьӡала аныҳәагьы ҟарҵеит. 42 Убри азы Анцәа урҭ аанижьит, ирҭаху ҟарҵалааит, ажәҩан икыду амреи, амзеи, аеҵәақәеи ирымҵахырхәалааит ҳәа дырԥырҵит. Убри аӡбахә аԥааимбарцәа рышәҟәаҿгьы иануп. Уа иҳәоуп: „Израильаа, сара сакәызма ацәҳәыраҿы шәаныҟаз 40 шықәса рыҩныҵҟа акәырбанқәа зызнажәгоз? 43 Шәара Моло́х иқьалеи анцәахәы Римфа́н ииаҵәеи шәыманы шәықәын. Урҭ аидолқәа зыҟашәҵаз шәрымҵахырхәаларц азоуп. Убри азы Вавилон аасҭа ихароу аҭыԥ ахь шәахганы шәыргартә еиԥш иҟасҵоит“.

44 Ацәҳәыраҿы ҳабацәа аршаҳаҭга-қьала рыман. Дара уи ақьала Анцәа Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш, ишиирбаз еиԥш иҟарҵеит. 45 Уи ақьала урҭ ирхылҵыз ирҭынхеит. Иисус Навини дареи Анцәа иқәицаз ажәларқәа рыдгьыл ахь ианаа, уи ақьалагьы ааргеит. Давид дахьынӡаҟаз, уи ақьалагьы уи адгьыл аҿы иҟан. 46 Давид Анцәа игәы иақәшәоз уаҩны дҟалеит. Иара Иаков Инцәа изы аҩны иргыларц шиҭаху иҳәеит. 47 Аха уи аҩны зыргылаз Соломон иакәхеит. 48 Аха Хыхь иҟоу Анцәа Ду ауаа идыргыло аҩнқәа рҿы акәӡам дахьынхо. Уи иазкны аԥааимбар иҳәоит: 49 „Ажәҩан — стәарҭаҭыԥ ауп, адгьыл — сшьапқәа ахьықәсыргыло ҭыԥуп. Иарбан ҩну исызшәыргылараны иҟоу? — иҳәоит Иегова. — Иабаҟоу сынхарҭаҭыԥ? 50 Сара сакәӡами абри зегьы зшаз?“

51 Уаҩ ииҳәо змаҳауа, згәы хаҳәу*, злымҳа џьгәоу ауаа! Шәара есымша иԥшьоу адоуҳа шәаҿагылоит. Шәабацәа иҟарҵоз ауп шәаргьы иҟашәҵо. 52 Дарбан ԥааимбару шәабацәа зышьҭамшәарыцоз? Дара Ауаҩ Иаша даараны дшыҟаз зҳәоз аԥааимбарцәа ршьит. Шәара уи Ауаҩ Иаша дҭины дышәшьит. 53 Анцәа амаалықьцәа рыла азакәан шәиҭеит, аха шәара уи нашәыгӡаӡомызт».

54 Ари анраҳа, игәаӷ кны, рхаԥыц аҿҿа арго ихәаԥшуа иалагеит. 55 Аха иԥшьоу адоуҳа ала иҭәыз Стефа́н ажәҩан данаҵаԥш, Анцәа ихьӡ-иԥшеи Анцәа иарӷьарахь игылаз Иисуси ибеит, 56 иагьиҳәеит: «Избоит ажәҩан шаату, дызбоит Анцәа иарӷьарахь игылоу ауаҩытәыҩса Иԥа». 57 Аха дара рнацәкьарақәа рыла рлымҳақәа рыџьгәан, ишрымчыз еибарҳәҳәо, Стефа́н иқәпапеит. 58 Уи ашьҭахь ақалақь далырган, ахаҳәқәа игәыдҵара иалагеит. Амц ҳәаны ахара идызҵаз хыхьтәи рымаҭәа ршәырхын, Савл зыхьӡыз арԥыс ишьапаҿы ишьҭарҵеит. 59 Ахаҳә данадыргоз, Стефа́н Иисус иахь ихы ирхан, ус иҳәеит: «Исықәиҭу, Иисус, иудкыл сыԥсы». 60 Нас дшьамхышгылан, ибжьы ҭыганы ус иҳәеит: «Иегова, суҳәоит, рыгәнаҳа иаҭоумҵан». Абри ааиҳәан, дыԥсит*.

8 Савлгьы Стефа́н ишьра дазыразын.

Убри аҽны инаркны Иерусалим иҟаз аизара ӷәӷәала иашьҭашәарыцо иалагеит, убри аҟынтә, апостолцәа рыда, аҵаҩцәа зегьы рҽыԥсаҟьаны, Иудеиеи Сама́риеи ахьынӡанаӡааӡо иаланхо иалагеит. 2 Анцәа ицәшәоз ауаа Стефа́н дганы дыржын, илаӷырӡышо дырҵәыуеит. 3 Савл иакәзар, аизара ақәгара дашьҭан. Иара аҩнқәа дрыҩналаны, аҳәсеи ахацәеи аадәылганы, иганы абахҭа иҭеикуан.

4 Иқәҵны ицаз аҵаҩцәа ахьнанагалакгьы, зехьынџьара ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭарҳәон. 5 Филипп Сама́риа ақалақь ахь* днеит. Иара уа инхоз ауаа Христос иӡбахә рзеиҭаҳәара далагеит. 6 Ажәлар Филипп данцәажәоз, иҟаиҵоз аџьашьахәқәа анырбоз, ииҳәоз рхы азышьҭны изыӡырҩуан. 7 Адемонцәа* ҳәҳәо, изхаԥаны иҟаз ауаа ирхыҵуан, зхы иамыхәозгьы, ицыркьуазгьы бзиахон. 8 Убри азы ақалақь аҿы зегь гәырӷьон.

9 Уи ақалақь аҿы дынхон Си́мон зыхьӡыз, амагиа знапы алакыз хаҵак. Иара самариаа иршанхон, уаҩ дук иакәушәа ихы ааирԥшуан. 10 Ажәлар зегьы, анхаҩы инаиркны ауаҩ ду иҟынӡа, иара изыӡырҩуан, иагьырҳәон: «Ари ауаҩ Анцәа иҟынтә амч ду имоуп». 11 Иара амагиа ихы иархәаны урҭ рыршанхара даҿижьҭеи акыр ҵуан, убри азы иааиҳәоз зегь ҟарҵон. 12 Аха Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиеи Иисус Христос иӡбахәи рзеиҭазҳәоз Филипп иреиҳәоз агәра анырга, ахацәагьы аҳәсагьы аӡы рыҽӡаархит. 13 Си́мон ихаҭагьы Иисус иҵаҩ иакәхеит. Иҽанӡааих ашьҭахь, Филипп дааицрымшәо дицын. Иара даараӡа иџьеишьон Филипп иҟаиҵоз узыршанхоз аусқәеи аџьашьахәқәеи.

14 Иерусалим иҟаз апостолцәа Самариа инхоз ауаа Анцәа иажәа шрыдыркылаз анраҳа, уахь Пиотри Иоанни рышьҭит. 15 Пиотри Иоанни уахь инеит, насгьы самариаа иԥшьоу адоуҳа роурц азы Анцәа иҳәеит, 16 избанзар дара Иҳақәиҭу Иисус ихьӡала аӡы рыҽӡаарххьан, аха иԥшьоу адоуҳа рмоуӡацызт. 17 Пиотри Иоанни рнапқәа анрықәырҵа, урҭ иԥшьоу адоуҳа роуит.

18 Си́мон ианиба, апостолцәа ауаа рнапы анрықәырҵо иԥшьоу адоуҳа шроуа, апостолцәа аԥара рыдигалан, 19 ус иҳәеит: «Сшәыҳәоит, саргьы убри амч сышәҭ, снапы зқәысҵо иԥшьоу адоуҳа роуларц азы». 20 Аха Пиотр иҳәеит: «Анцәа иҳамҭа ԥарала иаасхәоит ҳәа угәы иаанагазар, ураӡны уара иуцыԥсааит. 21 Уара ҳара инаҳагӡо амаҵзура аҽалархәра азин умаӡам, избанзар Анцәа угәы шыцқьам ибоит. 22 Угәнаҳа уахьхәы, насгьы уӷьаҵәыӷьаҵәуа Иегова* уиҳәа, угәы иҭоукыз ацәгьара уанаижьырц азы. 23 Сара избоит ашҳам шуӷроу, агәнаҳа маҵуҩыс ушамоу». 24 Усҟан Си́мон иҳәеит: «Сшәыҳәоит, Иегова шәиҳәа, уи аҩыза смыхьырц азы».

25 Ажәабжь бзиа ҳәаны, Иегова иажәа рзеиҭаҳәаны уа зегьы ианрылс, ихынҳәны Иерусалимҟа идәықәлеит. Амҩан самариатәи ақыҭақәа ирылаланы, ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭарҳәон.

26 Иегова имаалықь Филипп ус иеиҳәеит: «Иерусалимынтәи Газаҟа илбаауа амҩала алада уца». Уи амҩа ацәҳәыра иалганы иган. 27 Филипп убас иагьыҟаиҵеит. Уа иара дибеит ефиопиатәи аҳкәажә канда́киа* лҿы аҭыԥ ду аанызкылоз хаҵак*. Уи ефиопиатәи аҳкәажә лмал дахагылан. Уи ахаҵа Анцәа димҵахырхәарц азы Иерусалим дааны дыҟан, 28 аха уажәшьҭа аҩныҟа дхынҳәуан. Иҽыуардын дахьақәтәаз, ибжьы ҭыганы аԥааимбар Иса́иа ишәҟәы аԥхьара даҿын. 29 Анцәа иԥшьоу адоуҳа ала Филипп иеиҳәеит: «Абни аҽыуардын уашьҭаланы уахьӡа». 30 Филипп аҽыуардын даназааигәаха, иаҳаит уи ауаҩ аԥааимбар Иса́иа ишәҟәы дшаԥхьоз. Убри аҟынтә диазҵааит: «Узыԥхьо еилукаауама?» 31 Иара иҳәеит: «Излеилыскаауеи, аӡәгьы исеилимыркаар?» Нас иара Филипп уааины ара усыватәа ҳәа диҳәеит. 32 Дзыԥхьоз Аҩыра иану абарҭ ажәақәа ракәын: «Иара ауаса ашьразы ишырго еиԥш дыргон. Идырҟәыдуа асыс шыҿнамҭуа еиԥш, иаргьы ажәак имҳәаӡеит. 33 Иара дладырҟәуан, иусгьы иашаны ирмыӡбаӡеит. Иԥсҭазаара адгьыл аҿы иҿахҵәеит. Хылҵшьҭрас дызтәу зҳәар зылшода?»

34 Усҟан уи ауаҩ Филипп ус иеиҳәеит: «Суҳәоит, исаҳә, аԥааимбар ара зыӡбахә имоу ихы акәу, даҽаӡә иакәу?» 35 Филиппгьы абри аԥааимбаражәа ала дналаган, Иисус изку ажәабжь бзиа изеиҭеиҳәеит. 36 Ԥыҭрак ашьҭахь аӡы ианазааигәаха, уи ауаҩ Филипп ус иеиҳәеит: «Абар аӡы ахьыҟоу, исԥырхагоузеи аҽӡаахра?» 37 ——* 38 Нас аҽыуардын ааныркыларц иҳәа́н, аҩыџьагьы, Филиппгьы иаргьы, аӡы инҭалан, Филипп уи ахаҵа дӡааихит. 39 Аӡы ианааҭыҵ, Иегова идоуҳа Филипп иаразнак даҽаџьара дагеит. Уи ашьҭахь уи ауаҩ Филипп уаҳа димбаӡеит, аха дгәырӷьаҵәа имҩа иациҵеит. 40 Филипп Ашдо́дҟа днанагеит. Кеса́риаҟа амҩа данықәыз, уахь днеиаанӡа, ақалақьқәа зегь дрылсны, ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәон.

9 Савл игәы ԥыжәжәо, Иисус иҵаҩцәа рықәгара дшашьҭац дашьҭан, убри азы аԥшьаҩ хада иахь дцан, 2 Дамаск иҟоу асинагогақәа рахь асаламшәҟәқәа иҩырц диҳәеит. Урҭ асаламшәҟәқәа Савл азин ирҭон Иҳақәиҭу Имҩа иану, дхаҵоума, дыԥҳәысума, Иерусалимҟа иааганы рҭакра.

3 Савл Дамаск даназааигәахоз, иаалырҟьаны ажәҩан аҟынтә алашара иҿаҷҷан, 4 адгьыл дықәҳаит, нас бжьык иаҳаит: «Савл, Савл, узсышьҭашәарыцои?» 5 Савл дҵааит: «Узусҭада, ухаҵкы?» Иара иҳәеит: «Сара узышьҭашәарыцо Иисус соуп. 6 Угыланы, ақалақь ахь уца, уа иҟауҵаша уарҳәоит». 7 Ицыз шанханы, ирҳәо рҿамшәо игылан, избанзар абжьы раҳауан, аха ицәажәоз дырбаӡомызт. 8 Савл дгылеит, аха илақәа шааԥшуазгьы, акгьы ибаӡомызт. Убри азы ицыз инапы данкны, Дамаскҟа дыргеит. 9 Хаха-хымш акгьы ибаӡомызт, акрифомызт, акрижәуамызт.

10 Дамаск дынхон Ана́ниа зыхьӡыз Иисус иҵаҩы. Иҳақәиҭу уи аԥхыӡ аҿы еиԥш дизааин: «Ана́ниа!» — ҳәа иқәҿиҭит. Иаргьы: «Сузыӡырҩуеит, Исықәиҭу», — иҳәеит. 11 Иҳақәиҭу ус иҳәеит: «Угыланы, Амҩа иаша захьӡу амҩаду ахь уца, уа Иуда иҩнаҭаҿы Тарс иатәу Савл ара дыҟоума ҳәа уҵаа. Уи уажәы Анцәа иҳәара даҿуп. 12 Иара аԥхыӡ еиԥш ибеит, Ана́ниа зыхьӡыз ауаҩы дышизнеиз, насгьы илақәа ирбарц азы инапқәа шиқәиҵаз». 13 Аха Ана́ниа иҳәеит: «Исықәиҭу, сара уи ауаҩ иӡбахә рацәаны исаҳахьеит. Исаҳахьеит Иерусалим иҟоу иԥшьоу умаҵзуҩцәа ирзааицахьо. 14 Аԥшьаҩ еиҳабацәа иара азин ирҭеит, ара иҟоу уҵаҩцәагьы абахҭа иҭеикларц». 15 Аха Иҳақәиҭу иҳәеит: «Уца, избанзар сара уи ауаҩ далысхит, сыӡбахә егьырҭ ажәларқәеи, аҳцәеи, израильааи ирзеиҭеиҳәаларц азы. 16 Сара уи исырбоит, сыхьӡ азы шаҟа гәаҟра ихигараны дыҟоу».

17 Ана́ниа уахь даннеи, Савл дахьыҟаз аҩны дыҩналан, инапқәа наиқәиҵан, ус иеиҳәеит: «Савл, сашьа, арахь уанаауаз амҩан иубаз Иҳақәиҭу Иисус уара уахь сааишьҭит, улақәа ирбарц, иԥшьоу адоуҳагьы уоурц азы». 18 Убри аминуҭ азы Савл илақәа аԥсыӡ ацәа иеиԥшыз ак рхыҵын, ибо дҟалеит. Уи ашьҭахь дҩагылан, аӡы иҽӡааихит, 19 нас акрифеит, имчгьы ҭалеит.

Савл мышқәак рыҩныҵҟа Дамаск иҟаз аҵаҩцәа дрыцын. 20 Иара иаразнак асинагогақәа рҿы Иисус Анцәа Иԥа шиакәу аиҭаҳәара далагеит. 21 Аха зегьы ииҳәоз уамашәа ибаны ирҳәон: «Ари ауаҩ Иерусалим Иисус иҵаҩцәа* ирышьҭашәарыцоз иакәӡами? Арахь дзаазгьы урҭ ҿаҳәаны, аԥшьаҩ еиҳабацәа рахь игарц азы акәӡами?» 22 Савл еиҳа-еиҳа гәацԥыҳәарала ажәабжь иҳәон, насгьы Иисус — Христос шиакәу агәра узыргоз ашьақәырӷәӷәарақәа ааигон. Убри аҟынтә Дамаск инхоз ауриацәа иҿадыргылоз ҳәа акгьы рымамызт.

23 Ԥыҭрак ашьҭахь ауриацәа Савл дыршьырц еибырҳәеит. 24 Аха иара урҭ ргәы иҭаркыз еиликааит. Дара уахгьы-ҽынгьы ақалақь агәашәқәа рҷаԥшьон, дыршьырц азы. 25 Убри аҟынтә иҵаҩцәа уахынла акалаҭ дҭартәаны, аҭӡамц аҿы иҟаз аԥенџьыр ала дылбааргеит.

26 Иерусалим даннеи, Иисус иҵаҩцәа иҽрыдикылар иҭахын, аха дара ицәшәон, избанзар Иисус иҵаҩ шиакәхаз агәра ргаӡомызт. 27 Усҟан Варна́ва Савл дицхрааит. Иара уи апостолцәа рахь днеиган, ак агмыжькәа ирзеиҭеиҳәеит Савл амҩа данықәыз, Иҳақәиҭу Иисус дшибаз, Иисус уи дышиацәажәаз, иара убас дымшәаӡакәа Дамаск инхоз ауаа Иисус иӡбахә шырзеиҭеиҳәоз. 28 Уи ашьҭахь Савл уа апостолцәа рҿы даангылеит, дымшәаӡакәагьы Иерусалим далаланы Иҳақәиҭу иӡбахә иҳәон. 29 Иара бырзен бызшәала ицәажәоз ауриацәа драцәажәон, ажәа анимаркуазгьы даҵахаӡомызт. Убри азы дара Савл дыршьырц рыӡбеит. 30 Аишьцәа уи анеилыркаа, Кеса́риаҟа дыргеит, уантәи Тарсҟа дрышьҭит.

31 Иудеиеи, Галилеиеи, Сама́риеи рҿы иҟаз аизарақәа рзы ҭынчрахеит. Аизарақәа ӷәӷәахон. Аҵаҩцәа Иегова* изыӡырҩуан, насгьы иԥшьоу адоуҳа амч рнаҭон, убри азы хыԥхьаӡарала еиҳа-еиҳа еизҳауан.

32 Пиотр урҭ аҭыԥқәа дрылсны данцоз, Ли́дда инхоз иԥшьоу рахьгьы днеит. 33 Уа иара дибеит Ене́и зыхьӡыз зхы иамыхәоз хаҵак. Уи ауаҩ 8 шықәса аиарҭа даман. 34 Пиотр уи ус иеиҳәеит: «Ене́и, Иисус Христос уихәышәтәуеит. Уҩагыланы, уиарҭа еилырга». Убри аминуҭ азгьы уи ауаҩ дгылеит. 35 Ли́ддеи Саро́ни инхоз уи дшыбзиахаз анырба, Иҳақәиҭу дхарҵеит.

36 Ио́ппиа дыҟан Тави́фа зыхьӡыз Иисус иҵаҩы, бырзен бызшәала иуҳәозар, Дорка*. Лара абзиарақәа рацәаны иҟалҵон, лгәы ҭбаан, акгьы дамеигӡакәа аӷарцәа дрыцхраауан. 37 Аха урҭ амшқәа рзы лара дычмазаҩхан, дыԥсит. Аҵаҩцәа дыркәабан, хыхьтәи ауадаҿы дыкҿарҵеит. 38 Ли́дда Ио́ппиа иазааигәан. Аҵаҩцәа ианраҳа Пиотр Ли́дда дшыҟаз, аамҭа мгакәа уаҳзааи ҳәа иарҳәарц азы ҩыџьа ауаа рышьҭит. 39 Пиотр иаразнак урҭ дрыцны дцеит. Даннеи, хыхьтәи ауадахь дхаргалеит. Уа аҳәсеибацәа идеизалан, илаӷырӡышо, Дорка илӡахыз амаҭәақәа зегь идырбон. 40 Пиотр зегьы шәдәылҵ ҳәа реиҳәеит, нас дшьамхышгыланы Анцәа диҳәеит. Уи ашьҭахь аԥсы лахь дааҳәын, иҳәеит: «Тави́фа, бгыл!» Ларгьы лылақәа аалыртит. Пиотр данылба, дықәтәеит. 41 Пиотр Тави́фа лнапы кны диргылан, аҵаҩцәеи* аҳәсеибацәеи ирызҿиҭын, лыԥсы шҭаз дирбеит. 42 Иҟалаз Ио́ппиа зегь иахыҵәеит, Иҳақәиҭу дхазҵазгьы рацәаҩхеит. 43 Пиотр ԥыҭраамҭак Ио́ппиа даангылеит. Уа иара асахҭанҟаҵаҩ* Си́мон иҿы дынхон.

10 Кеса́риа дыҟан Корни́ли зыхьӡыз хаҵак. Иара 100-ҩык рҟынӡа инаӡоз италиатәи ар дахагылан. 2 Корни́ли иҭаацәагьы иаргьы Анцәа имҵахырхәон. Иара иӷарыз дрыцхраауан, насгьы есымша гәыкала Анцәа диҳәон. 3 Шьыбжьагәазы, асааҭ 3 раҟара шыҟаз*, иара аԥхыӡ аҿы еиԥш Анцәа имаалықь дибеит. «Корни́ли!» — иҳәеит амаалықь. 4 Корни́ли дшәаӡыӡо Анцәа имаалықь дихәаԥшын, ус иҳәеит: «Сузыӡырҩуеит, ухаҵкы». Амаалықь иҳәеит: «Анцәа уҳәарақәа иаҳаит, уус бзиақәагьы ибеит. 5 Ио́ппиаҟа ауаа шьҭы, Пиотр ҳәа изышьҭоу Си́мон даарц иарҳәаразы. 6 Иара амшын аҿықәан инхо асахҭанҟаҵаҩ* Си́мон иҿы дыҟоуп». 7 Корни́ли иацәажәоз амаалықь дышцаз еиԥшҵәҟьа, ҩыџьа имаҵуцәеи Анцәа ицәшәоз ируаҩи даарыԥхьан, 8 иибаз-иаҳаз зегь рзеиҭеиҳәан, Ио́ппиаҟа ишьҭит.

9 Адырҩаҽны, шьыбжьон, асааҭ 12 раҟара шыҟаз*, урҭ ауаа ақалақь ианазааигәахоз аамҭазы, Пиотр Анцәа диҳәарц азы аҩны ахыб* ахь дхалеит. 10 Иара иӷәӷәаны амла дакит. Афатә ахьынӡаҟарҵоз, Пиотр ибеит Анцәа имчала ихаҿы иааиз ахҭыс. 11 Иара ибеит, иаатны иҟаз ажәҩан, насгьы ақәны иалхыз ашьаршьаф ду иеиԥшыз акы аԥшьганк ирынкны, адгьыл ахь ишылбааргоз. 12 Уа илатәан хкы рацәала ԥшь-шьапык зҵоу аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи, аҳәазақәеи. 13 Нас абас бжьык иаҳаит: «Пиотр, угыланы ишьны иф!» 14 Аха Пиотр иҳәеит: «Мап, ухаҵкы, сара ахаангьы исымфацт Анцәа ицқьам ҳәа ииԥхьаӡо зыфара ҟамло акы, иагьысфом». 15 Усҟан даҽа знык абас бжьык иаҳаит: «Уажәшьҭа Анцәа ицқьоуп ҳәа ииԥхьаӡо цқьаӡам ҳәа азумҳәан». 16 Пиотр ахынтә раан уи абжьы аниаҳа ашьҭахь, иибаз иаразнак ажәҩан ахь иган.

17 Пиотр иибаз иаанагарызеишь ҳәа дхәыцуанаҵы, Корни́ли иишьҭыз ауаа Си́мон дахьынхоз аҩны рыԥшаан, агәашә иаадгылеит. 18 Дара ҿырҭын, Пиотр ҳәа изышьҭоу Си́мон ара дыҟоума ҳәа иҵааит. 19 Пиотр иибаз иаанагарызеишь ҳәа дахьынӡахәыцуаз, иԥшьоу адоуҳа ус ианаҳәеит: «Хҩык ауаа ушьҭаланы иааит. 20 Ҵаҟа улбааны, умлакҩаккәа урыцны уца, избанзар сара соуп урҭ аазышьҭыз». 21 Иаргьы дылбаан: «Шәзышьҭоу сара соуп, шәаазгеи?» — ҳәа дразҵааит. 22 Дара ирҳәеит: «Ҳара ар реиҳабы Корни́ли ҳааишьҭит, иара Анцәа дицәшәоит, дуаҩ бзиоуп, ауриацәа зегьы ҳаҭыр иқәырҵоит. Иԥшьоу амаалықь Корни́ли иахь днеины иеиҳәеит, ауаа узааишьҭырц, урыцны иҩныҟа уцарц азы, насгьы иоуҳәо зегь иаҳарц азы». 23 Пиотр урҭ арахь шәааи ҳәа реиҳәан, пату рықәиҵеит.

Адырҩаҽны урҭ дрыцны дцеит, Ио́ппиа инхоз аишьцәа шьоукгьы иццеит. 24 Адырхаҽны Кеса́риаҟа инеит. Корни́ли иҭынхацәеи иҩызцәеи еизганы урҭ дырзыԥшын. 25 Пиотр данаа, Корни́ли диԥылан, иҿаԥхьа дшьамхышгыланы диеихырхәеит. 26 Аха Пиотр иҳәеит: «Угыл, саргьы уара уҩыза соуп». 27 Пиотр Корни́ли диацәажәо аҩны даныҩнала, ауаа рацәа еизаны ишизыԥшыз ибеит. 28 Иара урҭ иреиҳәеит: «Шәара ибзианы ижәдыруеит, ауриацәа егьырҭ ажәларқәа ирацәажәалар, ма рыҩныҟа инеилар шыҟамло, аха Анцәа исирбеит ицқьам, ихәынгашьатәу ҳәа аӡәгьы дшыҟам. 29 Убри азоуп ауаа сышьҭаланы ианнеи, сымлакҩакӡакәа срыцны сзааз. Уажәшьҭа исашәҳә сзаажәгаз».

30 Корни́ли иҳәеит: «Ԥшьымш раԥхьа, абыржәааны еиԥш, асааҭ 3 раҟара шыҟаз*, аҩны Анцәа сиҳәон. Ус, иаалырҟьаны, амаҭәа шкәакәа ишәҵаны аӡә саԥхьа даагылан, 31 ус иҳәеит: „Корни́ли, Анцәа уҳәара иаҳаит, уус бзиақәагьы ибеит. 32 Убри аҟынтә Ио́ппиаҟа ауаа шьҭы, Пиотр ҳәа изышьҭоу Си́мон даарц иарҳәаразы. Иара амшын аҿықә аҿы инхо, асахҭанҟаҵаҩ* Си́мон иҿы дыҟоуп“. 33 Убри азоуп иаразнак ауаа зысышьҭыз. Уахьааз даара ҳаигәырӷьеит. Уажәы ҳара зегьы ара, Анцәа иҿаԥхьа, ҳаизеит, Иегова* ҳара ҳзы иуеиҳәаз ажәа ҳаҳарц азы».

34 Пиотр ацәажәара далаган, абас иҳәеит: «Уажәшьҭа ибзиаҵәҟьаны еилыскаауеит, Анцәа ауаа шеилимхуа. 35 Иара ауаҩы дызмилаҭзаалакгьы дидикылоит, уи ауаҩы Анцәа дицәшәозар*, насгьы ииашаны ихы мҩаԥигозар. 36 Анцәа израильаа аҭынчра иазку ажәабжь бзиа рзааицҳаит ауаа зегь Ирықәиҭу Иисус Христос ила. 37 Шәара ижәдыруеит Иоанн имҩаԥигоз, ауаа ирылаирҵәоз аӡӡаахра ашьҭахь раԥхьа Галилеиа, нас Иудеиа зегь аҿы ауаа злацәажәоз: 38 Анцәа назареттәи Иисус иԥшьоу адоуҳала дшалихыз*, амч шииҭаз, уи ауаа абзиарақәа рзыҟаҵо, Аџьныш иргәаҟуаз хәышәтәуа, атәыла зегь дшалсуаз. Анцәа дицын азоуп уи зегь зилшоз. 39 Ҳара иаҳбон Иисус ауриацәа ртәылаҿи Иерусалими иҟаиҵоз зегьы, аха дара ашьаҟа* дкыдҵаны дыршьит. 40 Анцәа уи ахымш раан иԥсы ҭеиҵан, ауаа дырбартә иҟаиҵеит, 41 аха зегьы дрымбаӡеит. Дызбаз Анцәа заа иалиххьаз, уи иԥсы анҭала ашьҭахь акрыицызфоз, акрыицызжәуаз ашаҳаҭцәа роуп — уи ҳара ҳауп. 42 Иара дҵас иҳаиҭеит, Анцәа зыԥсы ҭоугьы, иԥсхьоугьы ӡбаҩыс ирзалихыз иара шиакәу ауаа ирылаҳҳәаларц, рхы иҭаҳгалаларц. 43 Аԥааимбарцәа зегьы ирҳәон, иара дхазҵо зегьы ихьӡ ала рыгәнаҳақәа шранажьхо».

44 Пиотр иажәа ҳәаны далгаанӡа, изыӡырҩуаз зегьы иԥшьоу адоуҳа роуит. 45 Пиотр ицыз заԥхьатә хсаз аҵаҩцәа ианырба иауриамгьы Анцәа иҳамҭа — иԥшьоу адоуҳа — шроуз, даараӡа иџьаршьеит. 46 Дара ираҳауан, урҭ атәым бызшәақәа рыла ишцәажәоз, урҭ абызшәақәа рылагьы Анцәа дышҳараркуаз. Усҟан Пиотр иҳәеит: 47 «Арҭ ауаа ҳара ҳаиԥш иԥшьоу адоуҳа роуит. Нас, аӡы иӡааухыр ҟалаӡом ҳәа ӡәыр изҳәома?» 48 Пиотр урҭ Иисус Христос ихьӡала аӡы рыҽӡаархырц реиҳәеит. Дара Пиотр иҳәеит иҵегь мышқәак дара рҿы даангыларц.

11 Иудеиа иҟаз апостолцәеи аишьцәеи ираҳаит, иауриамыз ауаагьы Анцәа иажәа шрыдыркылаз. 2 Пиотр Иерусалимҟа данаа, аԥхьатәхсара иадгылаз иаҽԥнырҳәо 3 ирҳәон: «Заԥхьатә хсам рыҩны унеины, урыдтәаланы акрышԥарыцуфоз?» 4 Усҟан Пиотр иҟалаз-шыҟалаз зегь рзеиҭеиҳәеит:

5 «Сара Ио́ппиа сыҟан. Анцәа иҳәара сшаҿыз, аԥхыӡ еиԥш избеит ақәны иалхыз ашьаршьаф ду иеиԥшыз акы. Уи аԥшьганк ирынкны, ажәҩан аҟынтә сахьгылаз иамариашаны илбааргон. 6 Ибзианы санахәаԥш, избеит ԥшь-шьапык зҵоу аԥстәқәеи, агыгшәыгқәеи, аҳәазақәеи, аҵарақәеи шылатәаз. 7 Нас абас бжьык аасаҳаит: „Пиотр, угыланы ишьны иф!“ 8 Аха сара исҳәеит: „Мап, ухаҵкы, сара ахаан исымфацт Анцәа ицқьам ҳәа ииԥхьаӡо зыфара ҟамло акы, иагьысфом“. 9 Нас даҽазнык ажәҩан аҟынтә абжьы геит: „Уажәшьҭа Анцәа ицқьоуп ҳәа ииԥхьаӡо цқьаӡам ҳәа азумҳәан“. 10 Уи абжьы ахынтә раан иансаҳа ашьҭахь, избаз зегьы ажәҩан ахь ихаргалеит. 11 Убри аамҭазы Кеса́риантәи иааз хҩык ахацәа ҳахьыҟаз аҩны иаадгылеит. 12 Иԥшьоу адоуҳа урҭ срыцны сцарц санаҳәеит. Абарҭ фҩык аишьцәагьы сыцны уи ауаҩ иҩныҟа ҳнеит.

13 Иара иҳаиҳәеит амаалықь иҩны днеины, абас шиеиҳәаз: „Ио́ппиаҟа ауаа шьҭы, Пиотр ҳәа изышьҭоу Си́мон даарц иарҳәаразы. 14 Иара ишәеиҳәоит уҭаацәеи уареи шәеиқәхарц азы иҟашәҵаша“. 15 Ацәажәара саналага, дара иԥшьоу адоуҳа роуит, уаанӡа ҳара ишҳауз еиԥш. 16 Усҟан сара исгәалашәеит Иҳақәиҭу ишиҳәахьаз: „Иоанн ауаа ӡылоуп ишӡааихуаз, аха шәара иԥшьоу адоуҳала шәӡааххоит“ ҳәа. 17 Анцәа ҳара — Иҳақәиҭу Иисус Христос дхазҵо — иҳаиҭаз аҳамҭа даргьы ириҭазар, сызусҭада сара, Анцәа сиԥырхагахартә еиԥш?»

18 Ари анраҳа, уаҳа Пиотр ажәа имамкӡакәа, Анцәа дҳаракуа абас рҳәеит: «Ус акәзар, Анцәа иҭахуп иауриамгьы аԥсҭазаара роурц азы рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц».

19 Стефа́н даныршь ашьҭахь излагаз ашьҭашәарыцарақәа ирыхҟьаны иқәҵны ицаз аҵаҩцәа Финики́еи, Кипри, Антио́хиеи рҟынӡагьы инеит, аха ажәабжь бзиа зарҳәоз ауриацәа рымацара ракәын. 20 Аха Кипри Кире́неи рҟынтә шьоукы Антио́хиаҟа инеин, бырзен бызшәала ицәажәоз ауаа Иҳақәиҭу Иисус изку ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара иалагеит. 21 Иегова* урҭ дрыцын. Убри аҟынтә Иҳақәиҭу дхазҵаз, насгьы иҵаҩцәахаз рхыԥхьаӡара даараӡа ирацәахеит.

22 Уи аӡбахә иерусалимтәи аизара аҟынӡа инеит. Убри азы Варна́ва Антио́хиаҟа дрышьҭит. 23 Варна́ва ианиба, Анцәа аҵаҩцәа дшырзылԥхаз, даараӡа дгәырӷьеит. Иара урҭ анаҩсгьы гәыкала Иҳақәиҭу имаҵ руларц ргәазҭеиҵон. 24 Варна́ва дуаҩ бзиан, ихаҵара ӷәӷәан, иԥшьоу адоуҳагьы иман, убри азы Иҳақәиҭу дхазҵаз рацәаҩхеит. 25 Уантәи Варна́ва Савл диԥшаарц азы Тарсҟа дцеит. 26 Даниԥшаа, Антио́хиаҟа диманы дааит. Шықәс дуӡӡак дара уатәи аизарахь иныҟәон, Анцәа иажәа здырҵозгьы рацәаҩын. Убра, Антио́хиа, раԥхьаӡа акәны аҵаҩцәа Анцәа инапхгарала ақьырсианцәа ҳәа рыхьӡхеит.

27 Убри аамҭазы Иерусалимынтәи Антио́хиаҟа аԥааимбарцәа ааит. 28 Ага́в зыхьӡыз руаӡәк иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала иҳәеит иаарласны адгьыл зегь аҿы амлакра ӷәӷәа ҟалараны ишыҟаз. Клавди ихаан убас иагьыҟалеит. 29 Усҟан аҵаҩцәа, дасу илшоз ала, иудеиатәи аишьцәа ирыцхраарц рыӡбеит. 30 Урҭ ус иагьыҟарҵеит. Еизыргаз зегьы Варна́веи Савли рыла аизара ахылаԥшыҩцәа* ирзырышьҭит.

12 Уи аамҭазы аҳ И́род* аизара аҟынтә шьоукы дрышьҭашәарыцо далагеит. 2 Иара Иоанн иашьа Иаков а́ҳәала дишьит. 3 Ауриацәа уи ргәы ишахәаз аниба, аруаа адҵа риҭеит Пиотргьы дҭаркырц. Уи ҟалеит Арҵәыга злам ача аныҳәа аназгәарҭоз. 4 Иара уи абахҭа дҭеикын, ԥшьҩы-ԥшьҩыла ишьақәгылаз ԥшь-гәыԥк аруаа инеимдаа-ааимдо дрыхьчаларц адҵа ҟаиҵеит. Иара иҭахын Пиотр Мшаԥныҳәа ашьҭахь ажәлар рҿаԥхьа диргыларц*. 5 Пиотр абахҭа дҭакын, уи аамҭазы аизара иара изы иӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа иҳәон.

6 И́род Пиотр ддәылганы ауаа рҿаԥхьа диргылаанӡа уахык шагыз, Пиотр зынџьырла* дзыдҿаҳәалаз ҩыџьа аруаа рыбжьара дыцәан, ашә аҿы ахьчацәа гылан. 7 Ус, Иегова* имаалықь даацәырҵын, иаалашеит. Уи Пиотр дигәҭасны дааирԥшын, ус иеиҳәеит: «Угыл ирлас!» Пиотр инапқәа злаҿаҳәаз азынџьыргьы инапқәа ирхыҩрны икаҳаит. 8 Амаалықь Пиотр ус иеиҳәеит: «Уҽеилаҳәа, уеимаақәагьы ушьаҵа». Пиотр убас иагьыҟаиҵеит. Нас амаалықь иҳәеит: «Хыхьтәи умаҭәа ушәҵаны, усышьҭаланы уаала». 9 Иаргьы амаалықь дишьҭаланы дцеит, аха амаалықь иҟаиҵоз зегьы шлабҿабаз изеилкаауамызт. Уи зегь ԥхыӡушәа игәы иабон. 10 Дара ахьчацәа ахьгылаз ҭыԥк иаҩсит, нас даҽа ҭыԥк иаҩсит. Ус ақалақь ахь узлаҭыҵуаз аихатә гәашәқәа рҟынӡа инеит. Ианрыдгыла, урҭ рхала иаатит. Иҭыҵны амҩа ианыланы ишцоз, амаалықь дахьцаз-дахьааз умбо дныҵаба дцеит. 11 Пиотр иҟалаз еиликаан, ус иҳәеит: «Уажәшьҭа ибзиаҵәҟьаны издыруеит, Иегова амаалықь дшысзааишьҭыз, И́род сицәихьчарц, насгьы ауриацәа ргәы иҭаркыз сақәымшәарц азы».

12 Убри даназхәыц ашьҭахь, Мариа лыҩныҟа иҿынеихеит. Уа имаҷҩымкәа аҵаҩцәа еизаны Анцәа иҳәон. Мариа Марк ҳәа изышьҭаз Иоанн иан лакәын. 13 Пиотр агәашә днас-насын, Ро́да зыхьӡыз амаҵуҩԥҳәыс даадәылҵит. 14 Ибжьала Пиотр шиакәыз анылдыр, дамхагәырӷьан, агәашә аамыртӡакәа, дыҩны шьҭахьҟа дгьежьын, Пиотр агәашә дылагылоуп ҳәа ралҳәеит. 15 «Беилагама, бара, ибҳәо закәуи?» — рҳәеит дара. Аха лара Пиотр шиакәҵәҟьоу агәра длыргон. Усҟан дара: «Уи имаалықь иакәхап», — рҳәеит. 16 Пиотр агәашә дасуа дгылан. Агәашә анаадырт, Пиотр шиакәыз анырба, ишанхеит. 17 Иара инапала ҿышәымҭын ҳәа дирбан, ак агмыжькәа ирзеиҭеиҳәеит Иегова абахҭа дышҭигаз. Нас ус реиҳәеит: «Иҟалаз Иакови аишьцәеи ирашәҳәа». Убри аниҳәа ашьҭахь даҽаџьара дцеит.

18 Ашьжьымҭан аруаа иҟарҵо-ируа иақәымшәо иқәхеит, избанзар Пиотр дахьцаз-дахьааз рыздыруамызт. 19 И́род Пиотр дишьҭан, аха дизымԥшааӡеит. Аруаа рҿахәы анырҿих ашьҭахь, рықәнага иақәшәыршәа ҳәа адҵа ҟаиҵеит. Ихаҭа Иудеиантәи Кеса́риаҟа дцан, ԥыҭраамҭак уа дыҟан.

20 И́род Ти́ри Сидони рҿы инхоз ауаа ргәаӷ иман. Убри азы дара аҳ иҩны иахагылаз Власт ицхыраара иаҳәан, И́род иахь иааит, аҭынчра иаҳәарц азы, избанзар дара афатә-ажәтә аҳ иаҳҭынра аҟынтә акәын ишроуаз. 21 Иазалхыз амш аҽны, И́род аҳцәа рымаҭәа ишәҵаны, аӡбарҭаҭыԥ аҿы днатәан, еизаз рахь ихы рханы ацәажәара далагеит. 22 Усҟан еизаз ажәлар рыбжьы ҭганы ҿаарҭит: «Ари Анцәа ибжьоуп, ауаҩ ибжьы акәӡам!» 23 Убри аминуҭ азы Иегова имаалықь И́род ачымазара иирхьит, избанзар И́род Анцәа дҳареимкӡеит. Уи ахәаҷақәа дырфан, дыԥсит.

24 Иегова иажәа акәзар, еиҳа-еиҳа ауаа ирылаҵәон, аҵаҩцәа рхыԥхьаӡарагьы еиҳа-еиҳа иазҳауан.

25 Варна́веи Савли антиохиатәи аишьцәа еизыргаз иерусалимтәи аишьцәа ианрызнарга, Марк ҳәа изышьҭаз Иоанн дрыманы Антио́хиаҟа ихынҳәит.

13 Антио́хиатәи аизараҿы ԥааимбарцәаси рҵаҩцәаси иҟаз абарҭ ракәын: Варна́ва, Ниге́р ҳәа изышьҭаз Симео́н, Кире́на иатәыз Лу́ци, анапхгаҩы И́род аҵара ицызҵоз Манаи́н, иара убас Савл. 2 Дара Иегова* имаҵ ауреи ачгареи ианаҿыз аамҭазы иԥшьоу адоуҳа ус ранаҳәеит: «Иалшәх сара сзы Варна́веи Са́вли, урҭ ззыскыз аус нарыгӡарц азы». 3 Ианычга ашьҭахь, Анцәа иҳәан, рнапқәа Варна́веи Са́вли ирықәырҵан, ирышьҭит.

4 Иԥшьоу адоуҳа анапхгарала амҩа иқәлаз урҭ ахацәа раԥхьа Селевки́аҟа инеит, уантәи мшынла Кипрҟа ицеит. 5 Салами́нҟа ианнеи, ауриацәа рсинагогақәа рҿы еизоз Анцәа иажәа рылаҳәара иалагеит. Урҭ Иоаннгьы дрыцын. Иара урҭ дрыцхраауан.

6 Дара уи адгьылбжьаха зегь иалсит, Па́фос аҟынӡагьы инеит. Уа дырбеит иауриаз, Бар-Иисус зыхьӡыз хаҵак. Уи амагиа инапы алакын, насгьы дԥааимбарушәа ҟаиҵон. 7 Иара апровинциа напхгаҩыс иамаз Се́рги Павел зыхьӡыз ауаҩы имаҵ иуан. Се́рги Павел иҟәышыз уаҩын. Иара гәык-ԥсыкала Анцәа иажәа еиликаар иҭахын, убри азы Варна́веи Са́вли иара иахь иааиԥхьеит. 8 Аха Ели́ма* ҳәагьы изышьҭаз уи ахаҵа (ахьӡ Ели́ма иаанагоит «амагиа знапы алаку») урҭ дырԥырхагахарц далагеит, апровинциа иахагылаз Се́рги Павел Анцәа иажәа агәра имгарц азы. 9 Усҟан Павел ҳәа изышьҭаз Савл иԥшьоу адоуҳа ала ихы-игәы ҭәын, икылкааны Ели́ма днаихәаԥшын, 10 ус иҳәеит: «Аџьныш иԥа! Уара мыцла уеибаркуп, цәгьарамзар бзиарак угәы иҭам! Бзиарас иҟоу зегь уаҿагылоит! Иегова имҩа иашақәа реицакра уаҟәымҵӡои? 11 Иегова иуқәнагоу уақәиршәоит: аамҭак ула лашарак амбо иҟаиҵоит». Убри аминуҭ азы иааиқәлашьцан, ила иамбо дҟалеит, насгьы дшаҟь-шаҟьо, инапы данкны дызгашаз дишьҭалеит. 12 Апровинциа иахагылаз иҟалаз аниба, Иҳақәиҭу дхеиҵеит. Иара Иегова изкны еиликааз игәаҵанӡа инеит.

13 Павел иҩызцәеи иареи Па́фос иқәҵны, мшынла Памфи́лиа иаҵанакуа Пе́ргиаҟа ицеит. Аха Иоанн урҭ уа иааныжьны, Иерусалимҟа дхынҳәит. 14 Пе́ргиантәи Писи́диа иаҵанакуа Антио́хиаҟа инеит. Асабшазы асинагога иҩналан инатәеит. 15 Моисеи изакәани аԥааимбарцәа рышәҟәқәеи ирыԥхьаны ианалга, асинагога аиҳабацәа урҭ ус рарҳәеит: «Ҳашьцәа, ҳгәы шьҭызхша ажәа шәымазар, ишәҳәа». 16 Усҟан Павел дҩагылан, изыӡырҩырц азы инапала адырга дирбан, ҿааиҭит:

«Израильаа, насгьы Анцәа ицәшәо иауриам ауаа, шәысзыӡырҩы! 17 Израильаа Рынцәа ҳабацәа алихит. Урҭ Египет — атәым дгьыл аҿы — ианынхоз, иӷәӷәоу жәларны иҟаиҵеит, имч дугьы ихы иархәаны уи атәыла иалигеит. 18 Иара 40-ҟа шықәса рыҩныҵҟа ацәҳәыраҿы урҭ рахь ачҳара ааирԥшуан. 19 Ханаа́нтәи адгьыл иқәынхоз быжь-жәларк анықәига ашьҭахь, урҭ рыдгьыл ҳабацәа ириҭеит. 20 Арҭ ахҭысқәа 450-ҟа шықәса рыҩныҵҟа имҩаԥысуан.

Уи ашьҭахь аԥааимбар Самуил иҟынӡа Анцәа уи ажәлар аӡбаҩцәа риҭон. 21 Нас дара аҳ даҳҭахуп ҳәа иаақәгылан, Анцәа Вениамин ишьҭра иатәыз Киш иԥа Саул аҳас дриҭеит. Уи 40 шықәса аҳра иуан. 22 Анцәа Саул мап аницәик ашьҭахь аҳас Давид дриҭеит, уи изкны иара иҳәеит: „Сара дсыԥшааит Иессе́и иԥа Давид, уи ауаҩ сгәы дақәшәоит, иара исҭаху зегь ҟаиҵоит“. 23 Анцәа ишиҳәахьаз еиԥш, уи ихылҵыз руаӡәк — Иисус — израильаа реиқәырхаҩ иакәны дҟаиҵеит. 24 Уи даанӡа, Иоанн израильтәи ажәлар иаартны ирылеиҳәон, рыгәнаҳақәа ишрыхьхәыз аадырԥшырц азы аӡы рыҽӡаархыр шрыхәҭаз. 25 Иоанн имаҵзура анҵәамҭазы иҳәон: „Сара шәыззыԥшыз сакәӡам, уи сышьҭахь ааира даҿуп. Сара уи иеимаа аԥыртларагьы саԥсам“.

26 Сашьцәа, Авраам ихылҵқәаз, иара убас иауриам, аха Анцәа ицәшәо зегьы, ҳаиқәырхара иазку ажәабжь ззаацҳаз ҳара ҳауп. 27 Аха Иерусалим инхоз ажәларгьы, урҭ рнапхгаҩцәагьы уи аиқәырхаҩ дрыдрымкылаӡеит, иқәыӡбеит. Убасала дара инарыгӡеит ессабша ҳзыԥхьо, аԥааимбарцәа ирҳәаз ажәақәа. 28 Дызхыршьаауаз ҳәа акгьы шыҟамызгьы, Пилат ашьаҟа дкыдҵаны димшьыр рымуит. 29 Аҩыраҿы изкны ианыз зегь анынаӡа, ашьаҟа* дкыдырхын, адамра дҭарҵеит, 30 аха Анцәа уи иԥсы ҭеиҵеит. 31 Ԥыҭраамҭак иара Галилеиантәи Иерусалимҟа ицааз иҵаҩцәа дрызцәырҵуан. Уажәшьҭа дара уи иӡбахә ауаа ирыларҳәоит.

32 Ҳара ҳабацәа зқәыргәыӷыз иазку ажәабжь бзиа шәылаҳҳәоит. 33 Анцәа Иисус иԥсы ҭаҵаны, ҳабацәа зықәиргәыӷыз зегьы ҳара ҳзы инаигӡеит, аҩбатәи аԥсалом аҿы ишану еиԥш: „Уара сԥа уоуп. Иахьа сара абыс сузыҟалеит“. 34 Анцәа уи иԥсы шҭеиҵо, насгьы ибаауа ацәеижь уаҳа ишимоуа иазкны абас иҳәахьан: „Сара, Давид дшақәсыргәыӷхьаз еиԥш, есымша бзиа шәызбалоит, сажәа сахыԥом“. 35 Даҽа ԥсаломк аҿгьы иануп: „Уара гәыкала иузиашоу анышә дафар ууӡом“. 36 Давид иԥсы ҭанаҵы Анцәа имаҵ иуан. Даныԥсы, иабацәа анышә иахьамаз дыржит, ицәеижьгьы убраҟа ибааит. 37 Анцәа зыԥсы ҭеиҵаз иакәзар, анышә дамфаӡеит, дымбааӡеит.

38 Сашьцәа, идырны ишәымазааит, уи ибзоурала Анцәа шәыгәнаҳақәа шшәанаижьуа, уи ауп иахьа ишәылаҳҳәогьы. 39 Моисеи изакәан ала Анцәа шәуаа иашақәаны шәиԥхьаӡар илшомызт, аха Иисус дахьыԥсыз абзоурала, Анцәа уи игәра зго зегьы уаа иашақәаны иԥхьаӡоит. 40 Шәгәышәҽаныз, аԥааимбарцәа рышәҟәқәа рҿы иану шәмыхьырц азы: 41 „Шәыԥшы ахыччаҩцәа, шәахәаԥш шәара шәхаан иҟасҵо. Уи аӡәы ишәеиҳәаргьы, агәра жәгарымызт. Шәара уи џьашәшьоит, шәагьықәӡаауеит“».

42 Ацара рҽаназырк, ауаа рыҳәеит иааиуа асабшазгьы иааны, уи атәы рзеиҭарҳәарц. 43 Асинагогаҿы аизара анынҵәа, Анцәа имҵахырхәоз ауриацәеи апрозелитцәеи ԥыҭҩык Павели Варна́веи ирыцны ицеит. Павели Варна́веи урҭ ирацәажәон, насгьы Анцәа ибзиабара* иаԥсаны иаанхаларц ргәазҭарҵон.

44 Иааиз асабшазы Иегова иажәа иазыӡырҩырц азы ақалақь аҿы инхоз зегь аама уҳәо ауаа еизеит. 45 Ауриацәа арсҟаҩык ауаа шеизаз анырба, ишьыцын, Павел ажәа имаркуа, иҟоу зегь иарҳәо иалагеит. 46 Усҟан Павели Варна́веи мшәаӡакәа ус рҳәеит: «Анцәа иажәа зегь раԥхьаӡа иргыланы изаҳашаз шәара шәакәын, аха шәара уи шәаҳар шәҭахӡам, наӡаӡатәи аԥсҭазаара шәаԥсангьы шәхы шәыԥхьаӡаӡом, убри азы ҳара егьырҭ ажәларқәа рахь ҳцоит. 47 Избанзар Иегова абри аҩыза ажәа ҳаиҳәеит: „Сара уара ажәларқәа рзы лашарас уҟасҵеит, адгьыл аҵыхәанӡа ауаа аиқәхара иазку ажәабжь рылоуҳәаларц азы“».

48 Иауриамыз ари анраҳа, даараӡа игәырӷьеит, насгьы Иегова иажәа арҳаракра иалагеит, наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго амҩа ианылар зҭахыз зегьы Иҳақәиҭу дхарҵеит. 49 Уи аҭыԥ аҿы инхоз зегьы Иегова иажәа рылаҵәара иаҿын. 50 Аха ауриацәа Анцәа ицәшәоз ҳаҭыр зқәыз аҳәсеи еицырдыруаз ауааи Павели Варна́веи ргәаӷ ддыркын, ирышьҭашәарыцо иалагеит, насгьы ақалақь иалырцеит. 51 Усҟан Павели Варна́веи ршьапқәа ааршәшәаны асаба рықәырхын*, Ико́ниаҟа ицеит. 52 Аҵаҩцәа ракәзар, ргәы гәырӷьарыла иҭәын, иԥшьоу адоуҳагьы рыман.

14 Ико́ниаҟа ианнеи, ауриацәа рсинагога иҩналан, ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара иалагеит. Даараӡа ибзианы еиҭарҳәон азы, имаҷҩымкәа ауриацәагьы абырзенцәагьы уи агәра ргеит. 2 Аха ажәабжь бзиа агәра зымгаз ауриацәа иауриамыз ауаа Павели Варна́веи ргәаӷ ддыркын, ирҿадыргылеит. 3 Мчыбжьқәак рыҩныҵҟа Павели Варна́веи Иегова* ириҭаз амчра абзоурала агәымшәара аарԥшны, Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара иазку ажәабжь ауаа ирыларҳәон. Анцәа урҭ узыршанхо аусқәеи аџьашьахәқәеи ҟарҵаларц азы амч риҭон, ирҳәоз ажәабжь шҵабыргу шьақәирӷәӷәарц азы. 4 Аха ақалақь иаланхоз рҽеиҩыршеит, шьоукы ауриацәа ирыдгылеит, егьырҭ — апостолцәа. 5 Иауриазгьы иауриамызгьы еидгылан, рнапхгаҩцәа рыманы Павели Варна́веи дырԥхашьарц, насгьы ахаҳә иадыргарц рыӡбеит. 6 Павели Варна́веи уи анеилыркаа, ликао́нтәи ақалақьқәа Ли́стреи, Де́рвиеи, иара убас урҭ рыкәша-мыкәша иҟаз аҭыԥқәеи рахь ицеит. 7 Уагьы ауаа ажәабжь бзиа рыларҳәон.

8 Листра дынхон зхы иамыхәоз хаҵак, уи дааиижьҭеи дызныҟәаӡомызт. 9 Уи ауаҩ дтәаны, Павел ииҳәоз дазыӡырҩуан. Павел уи илакҭа данҭаԥшы, ибеит дыбзиахартә еиԥш ахаҵара шимаз, 10 убри аҟынтә ибжьы ҭыганы: «Угыл!» — ҳәа иеиҳәеит. Ахаан имныҟәоз уи ахаҵагьы дгылан, аныҟәара далагеит. 11 Ауаа Павел иҟаиҵаз анырба, рыбжьы ҭыганы, ликао́н бызшәала ҿаарҭит: «Анцәақәа ауаа рсахьақәа рыманы иаҳзылбааит!» 12 Дара Варна́ва Зевс ҳәа иарҳәо иалагеит, Павел — Гермес ҳәа, избанзар еиҳарак ицәажәоз Павел иакәын. 13 Ақалақь уалалаанӡа Зевс иныҳәарҭа гылан. Уа ԥшьаҩыс иҟаз ахаҵа ақалақь агәашәқәа рахь ацәқәеи агәыргьынқәеи неигеит. Иара урҭ ацәқәа Павели Варна́веи кәырбанс ирызнеигар иҭахын.

14 Апостолцәа Варна́веи Павели ари анраҳа, иршәыз амаҭәа рышәхаԥыржәан, ажәлар ирылаланы ҿаарҭит: 15 «Ҳашьцәа, иҟашәҵо закәи? Ҳаргьы шәара ишәеиԥшу ҳауп, ҳаргьы ҳуаауп. Ҳара ажәабжь бзиа зышәзеиҭаҳҳәо, акгьы иаԥсам амаҭәарқәа рымҵахырхәара шәаҟәыҵны, ажәҩани, адгьыли, амшыни, иара убас адунеи иқәу зегь зшаз, зыԥсы ҭоу Анцәа имҵахырхәара шәалагарц азоуп. 16 Уаанӡа иара ажәларқәа зегьы ишырҭаху инхаларц рылиршон. 17 Аха абзиарақәа ҟаҵо, дзеиԥшроу шәирбон. Иара ишәиҭон ажәҩан аҟынтә ақәа, ианаамҭаз аҽаҩра, меигӡарахда афатә, ак шәыгижьуамызт, шәгәы гәырӷьарала ирҭәуан». 18 Абриаҟара шырҳәозгьы, ажәлар рзаанкыломызт, аха ирулакгьы рыхьӡала акәырбан анагара шаҭахым агәра ддыргеит.

19 Аха Антио́хиеи Ико́ниеи рҟынтә ауриацәа аан, ажәлар Павел игәаӷ ддыркит. Нас Павел ахаҳә дадырган, дыԥсыз џьшьаны, ақалақь далганы дкарыжьит, 20 аха аҵаҩцәа анидеизала, дҩагылан, ақалақь ахь дцеит. Адырҩаҽны Варна́веи иареи Де́рвиаҟа ицеит. 21 Уа ауаа ажәабжь бзиа анрыларҳәа, насгьы имаҷҩымкәа ауаа ҵаҩцәаны аҟалара ианрыцхраа ашьҭахь, Ли́страҟеи, Ико́ниаҟеи, Антио́хиаҟеи ихынҳәит. 22 Уа дара аҵаҩцәа ргәы дырӷәӷәон, рхаҵара иацәхьамҵырц ргәазҭарҵон, иагьырҳәон: «Ҳара Анцәа Иаҳрахь ҳнеиаанӡа имаҷымкәа агәаҟрақәа ҳхаҳгароуп». 23 Уи адагьы, Павели Варнавеи аизарақәа зегь рҿы хылаԥшыҩцәас* амаҵ зуло аишьцәа алырхит. Дара чгон, Анцәа иҳәон. Нас иалырхыз аизара ахылаԥшыҩцәа Иегова инапы ианырҵеит, избанзар урҭ Анцәа дхарҵон.

24 Павели Варнавеи Писи́диа иалсны Памфи́лиа инеит, 25 нас Пе́ргиа ауаа Анцәа иажәа рылаҳәаны, Атта́лиаҟа идәықәлеит. 26 Уантәи мшынла Антио́хиаҟа ицеит. Убраҟоуп Анцәа изыԥсам ақьиара аарԥшны, инарыгӡаз аус рнапы иахьаниҵаз.

27 Уахь ианнеи, аишьцәеи аиҳәшьцәеи еизырган, Анцәа дара рыла иҟаиҵаз зегь рзеиҭарҳәеит. Иара убас ирзеиҭарҳәеит, Анцәа иауриамгьы игәра агара дышрыцхрааз. 28 Уа дара ԥыҭраамҭак аҵаҩцәа рҿы иаангылеит.

15 Иудеиантәи шьоук аан, аишьцәа ус рарҳәо иалагеит: «Моисеи изакәан ишаҳәо еиԥш шәаԥхьатә хышәымсар, Анцәа шәеиқәирхаӡом». 2 Павели Варна́веи дареи уи азҵаараҿы иахьеиқәшаҳаҭмыз азы аимак-аиҿак ӷәӷәа рыбжьалеит. Убри аҟынтә уи азҵаара еилдыргарц азы аишьцәа ирыӡбеит, Иерусалим иҟаз апостолцәеи аизара ахылаԥшыҩцәеи* рахь Павели, Варна́веи, егьырҭ аишьцәеи рышьҭырц.

3 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи урҭ маҷк инаскьарган, ихынҳәит. Амҩа иқәлаз ракәзар, рымҩа иацырҵеит. Финики́еи Самари́еи ирылсны ианцоз, дара аишьцәа ирзеиҭарҳәон, иауриамгьы Анцәа иахь ишхьаҳәыз, уи заҳаз зегьы даараӡа игәырӷьеит. 4 Иерусалим иахьнеиз, аишьцәеи, аиҳәшьцәеи, апостолцәеи, аизара ахылаԥшыҩцәеи* гәыкала ирыдыркылеит. Дара урҭ ирзеиҭарҳәеит Анцәа дара рыла шаҟа ус џьашьахә ҟаиҵаз. 5 Аха Иисус дхазҵаз афарисеицәа рсекта иалаз шьоук ҩагылан, ус рҳәеит: «Урҭ раԥхьатә хырсароуп, насгьы Моисеи изакәан нарыгӡаларц раҳәатәуп».

6 Усҟан апостолцәеи аизара ахылаԥшыҩцәеи* уи аус рыӡбарц азы еизеит. 7 Акыр ианеимарк-ианеиҿарк ашьҭахь, Пиотр дҩагылан иҳәеит: «Сашьцәа, шәара ибзианы ижәдыруеит, Анцәа аханатә аахыс сара сшалихыз, егьырҭ ажәларқәа рҟынтә ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭасҳәаларц азы. Иара иҭахуп, даргьы уи ажәабжь бзиа агәра ргарц. 8 Ауаа ргәы иҭоу збо Анцәа, ҳара ишҳаиҭахьаз еиԥш, даргьы иԥшьоу адоуҳа риҭеит, даргьы шидикыло ҳирбарц азы. 9 Иара урҭ иаадырԥшыз ахаҵарала рыгәқәа ирыцқьеит. Уи ала иаҳирбеит, иауриамгьы ҳаргьы еиԥшны дышҳахәаԥшуа, аӡәгьы дшалимкаауа. 10 Избан, нас, ҳабацәеи ҳареи иаҳзышьҭымхыз аидара аҵаҩцәа аҵаҵаны, Анцәа дызԥышәшәо? 11 Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп, Иҳақәиҭу Иисус иааирԥшыз ҳзыԥсам ақьиара ҳара ҳшеиқәнархаз еиԥш, даргьы шеиқәнархо».

12 Уи ашьҭахь зегь рҽааиқәыркын, Варнавеи Павели ирҳәоз иазыӡырҩуа иалагеит. Дара еиҭарҳәон, Анцәа дара рыла иауриам рыбжьара узыршанхо аусқәеи аџьашьахәқәеи рацәаны ишыҟаиҵаз. 13 Урҭ ирҭахыз ҳәаны ианалга, Иаков ацәажәара далаган, ус иҳәеит: «Сашьцәа, шәаасзыӡырҩы. 14 Симеон* ак агмыжькәа иаҳзеиҭеиҳәеит уажәшьҭа Анцәа иауриамгьы шидикылаз, урҭ рҟынтә ихьӡ зху ажәлар еидикыларц азы. 15 Аԥааимбарцәа ирҳәозгьы убри ауп. Урҭ ирыҩуаз ашәҟәқәа рҿы абас ануп: 16 „Убри ашьҭахь сара схынҳәуеит, еилаҳахьоу Давид иҩнгьы еиҭашьақәсыргылоит, уаанӡа ишгылаз еиԥш исыргылоит. 17 Сара уи ҟасҵоит, иаанхо ажәлар егьырҭ ажәларқәа зегь рҟынтә ауаа — сыхьӡ зху ауаа — ирывагыланы гәык-ԥсыкала Иегова* дрыԥшааларц азы, убас иҳәоит уи ҟазҵо Иегова. 18 Сара жәытәнатә аахыс ус шыҟасҵо сыӡбахьан“. 19 Убри аҟынтә Анцәа имаҵ аура зҭаху иауриам ауаа ауадаҩрақәа рызцәырҳамгароуп ҳәа сгәы иаанагоит. 20 Аха ирзыҩтәуп рҽацәырыхьчаларц амцнцәахәқәа рымҵахырхәара иадҳәалоу зегьы, асексуалтә ламысдара*, иԥсхаԥсыз аԥстәы ажьы*, иара убас ашьа. 21 Избанзар Моисеи ииҳәоз жәытәнатә аахыс қалақьцыԥхьаӡа ауаа ирыларҳәоит, ессабшагьы асинагогақәа рҿы иаԥхьоит».

22 Усҟан апостолцәеи аизара ахылаԥшыҩцәеи*, иара убас аизара зегьы ирыӡбеит, ҩыџьа ахацәа алхны, Павели Варна́веи ирыцҵаны, Антио́хиаҟа ирышьҭырц. Дара аизараҿы напхгара зуаз Варса́ва ҳәа изышьҭаз Иу́деи Си́леи алырхит. 23 Урҭ абри аҩыза асаламшәҟәы рыцҵаны ирышьҭит:

«Салам шәымаз Антио́хиеи, Сириеи, Килики́еи инхо ҳаҭыр зқәу иауриам ҳашьцәа! Ишәзызыҩуа шәашьцәа ҳауп — апостолцәеи аизара ахылаԥшыҩцәеи*. 24 Ҳара иҳаҳаит, ҳара ҳҟынтә шьоукы шәара шәахь инеины, ауадаҩрақәа шшәызцәырыргаз, иҟашәҵо шәзымдыруа шәшықәдырхаз, ҳара акгьы шраҳамҳәазгьы. 25 Убри аҟынтә ҳаицҿакны иҳаӡбеит аишьцәа алхны, акыр иаҳзаԥсоу Варна́веи Павели ирыцҵаны ишәзынаҳашьҭырц. 26 Урҭ рҩыџьагьы Иҳақәиҭу Иисус Христос ихьӡ азы акырынтә зхы ашәарҭара иҭазыргылахьоу хацәоуп. 27 Ҳара Иу́деи Си́леи шәзынаҳашьҭуеит, ишәзаҳҩыз ашәҟәы иану рҿала ишәарҳәарц азы. 28 Иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала ҳара еилаҳкааит, абра зыӡбахә ҳәоу ада даҽа еидарак шәшаҵаҵатәым: 29 шәҽацәышәыхьчала амцнцәахәқәа ирызнарго зегьы, ашьа, иԥсхаԥсыз аԥстәы ажьы*, асексуалтә ламысдара*. Абри зегь шәҽацәышәыхьчалар, ақәҿиарақәа шәоуеит. Абзиара шәзыҟалааит*!»

30 Урҭ аишьцәа Антио́хиа ианнеи, аҵаҩцәа еизырган, асаламшәҟәы рнапы иадыркит. 31 Аҵаҩцәа уи асаламшәҟәы ианыз ргәы шьҭызхуаз ажәақәа ианрыԥхьа, даараӡа игәырӷьеит. 32 Иу́деи Си́леи ԥааимбарцәасгьы иҟан азы, аишьцәа ргәы дырӷәӷәон, ргәы шьҭызхуаз ажәахәқәа рацәаны ирҳәон. 33 Уа дара ԥыҭраамҭак иҟан. Нас аишьцәа урҭ амҩа бзиа ҳәа рарҳәан, Иерусалимҟа идәықәырҵеит. 34 ——* 35 Павели Варна́веи ракәзар, Антио́хиа иаангылеит. Дара арҵаратә ус нарыгӡон, насгьы егьырҭ ирывагыланы, Иегова иажәа иазку ажәабжь бзиа ауаа ирыларҳәон.

36 Мышқәак рышьҭахь, Павел Варна́ва ус иеиҳәеит: «Уааи, Иегова иажәа ахьаҳҳәахьоу ақалақьқәа рахь ҳхынҳәып, аишьцәа ҳарҭааны ишыҟоу еилаҳкаап». 37 Варна́ва иҭаххеит, Марк ҳәа изышьҭаз Иоаннгьы дигарц. 38 Аха Павел иҭахымхаӡеит, избанзар Памфи́лиа ианыҟаз, иара урҭ ажәабжьҳәараҿы дрывамгылаӡакәа, иааныжьны дцеит. 39 Абри ааимаркын, Павели Варна́веи еибаргәаан, еиԥырҵит. Варна́ва Марк даашьҭихын, мшынла Кипрҟа дцеит. 40 Павел Си́ла далихит. Аишьцәа Павел изы Иегова иҳәаны, инапы дананырҵа ашьҭахь, Павели Си́леи рымҩа иқәлеит. 41 Дара аизарақәа рӷәӷәо, Сириеи Килики́еи ирылсны, рымҩа иацырҵеит.

16 Павел Де́рвиаҟа днеит, нас Ли́страҟа. Уа дыҟан Тимофеи зыхьӡыз аҵаҩы. Иан ахаҵара змаз иауриаз ԥҳәысын, иаб — дбырзенын. 2 Ли́стреи Ико́ниеи инхоз аишьцәа Тимофеи иӡбахә бзианы ирҳәон, 3 убри азы Павел дахьцоз Тимофеи дигар иҭаххеит, аха зны иара Тимофеи иаԥхьатә хисеит, избанзар урҭ аҭыԥқәа рҿы инхоз ауриацәа ирдыруан иаб дышбырзеныз. 4 Дара ахьнеиуаз ақалақьқәа рҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирарҳәон Иерусалим иҟаз апостолцәеи аизара ахылаԥшыҩцәеи* ирыӡбаз, насгьы урҭ аӡбарақәа ирықәныҟәалар шрыхәҭаз. 5 Уи абзоурала аизарақәа рҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхаҵара ӷәӷәахон, рхыԥхьаӡарагьы есыҽны иацлон.

6 Иԥшьоу адоуҳа урҭ азин рнамҭаӡеит Азиа* инхоз ауаа Анцәа иажәа рылаҳәара, убри азы Фри́гиеи Гала́тиеи ирылсны ицар акәхеит. 7 Ми́сиа ианнеи, Вифи́ниаҟа ицарц рыӡбеит, аха Иисус иԥшьоу адоуҳала уахь имышьҭӡеит. 8 Убри аҟынтә Ми́сиа иаҩсны, Троа́даҟа ицеит. 9 Уахынла Павел аԥхыӡ еиԥш ибеит иҿаԥхьа македониатәи хаҵак дышгылаз. Уи Павел абас диҳәон: «Македониаҟа уааины уҳацхраа». 10 Уи ашьҭахь ҳара иаразнак Македониаҟа амҩа ҳақәлеит, избанзар Анцәа уа инхоз ауаа ажәабжь бзиа рылашәҳәа ҳәа шҳаиҳәаз еилаҳкааит.

11 Троа́дантәи ҳашиашаз мшынла Самофра́киаҟа ҳцеит, адырҩаҽны Неа́польҟа ҳдәықәлеит. 12 Уантәи Фили́ппҟа ҳцеит. Уи римтәи қалақьны* иԥхьаӡан, насгьы Македониа иаҵанакуаз ихадаз қалақьын. Мышқәак рыҩныҵҟа ҳара уи ақалақь аҿы ҳаҟан. 13 Асабшаҽны ақалақь ҳалҵын, аӡиас ахь ҳцеит. Уа, ҳгәы ишаанагоз ала, Анцәа иҳәарц еизон. Ҳаргьы ҳнеины ҳнатәан, еизаз аҳәса рацәажәара ҳалагеит. 14 Руаӡәк Лидиа лыхьӡын. Лара Фиати́ра ақалақь иатәыз, апурпур зҭиуаз Анцәа ицәшәоз ԥҳәысын. Лара иаҳҳәоз дазыӡырҩуан. Иегова* уи лгәы ааиртит, убри аҟынтә Павел ииҳәоз зегь лыдылкылеит. 15 Лыҩнаҭа иатәызи лареи аӡы рҽанӡаарх, дӷьаҵәыӷьаҵәуа дҳаҳәеит: «Гәыкала Иегова имаҵ зуа сакәны сшәыԥхьаӡозар, сшәыҳәоит, сыҩныҟа шәымҩахыҵ, сара сҿы шәаангыл». Ҳамнеир анылмуӡа, ҳамҩахыҵит.

16 Зны Анцәа иахьиҳәоз аҭыԥ ахь ҳашцоз, маҵуҩԥҳәыск даҳԥылеит. Лара иҟалашаз лыҵазҳәоз адемон дылхаԥаны дыҟан. Зымаҵ луаз лыԥшәмацәа уи ала ахашәалахә ду роуан. 17 Уи аӡӷаб Павели ҳареи ҳахьцалакгьы дыҳәҳәо дҳашьҭан. Лара илҳәон: «Арҭ ахацәа Хыхь иҟоу Анцәа Ду имаҵуцәа роуп. Дара Анцәа шәшеиқәирхо шәыларҳәоит». 18 Убас акырымш дҳашьҭан. Нас Павел игәы ԥҵәан, лара лахь дхьаҳәын, адемон ус иеиҳәеит: «Иисус Христос ихьӡала иуасҳәоит, абыржәыҵәҟьа улылҵ!» Адемонгьы убри аминуҭ азы дылхыҵны дцеит.

19 Лыԥшәмацәа рхашәалахәы шырцәыӡыз анеилыркаа, Павели Си́леи ааныркылан, аџьармыкьаҿы* иҟаз аиҳабацәа рахь иргеит. 20 Дара урҭ ақалақь ахадацәа рахь инарган, ус рҳәеит: «Ҳақалақь аҿы иҟоу аилаҩынтрақәа зегьы абарҭ роуп изыхҟьо. Дара уриацәоуп, 21 зыӡбахә рҳәо аҵасқәагьы ҳара, римаа, иаҳтәым, рықәныҟәарагьы ҳахәҭам». 22 Ажәлар рыԥсахы еибакны иҟан, ақалақь ахадацәа ракәзар, Павели Си́леи рымаҭәа ршәыхны, ҷынла ирыпҟарц адҵа ҟарҵеит. 23 Иӷәӷәаны ианырыпҟа ашьҭахь, иганы абахҭа иҭарыжьит, абахҭахьчаҩгьы илаԥш рхымгакәа ихьчаларц идырҵеит. 24 Ус аниарҳәа, иара урҭ абахҭа агәҭахьшәа иганы иҭеикит, ршьапқәагьы ишьаҳаит.

25 Аҵх агәахьы ианнеиуаз аамҭазы Павели Си́леи Анцәа иҳәон, насгьы Анцәа дҳаразкуа ашәақәа рҳәон, иҭакызгьы дара ирзыӡырҩуан. 26 Иаалырҟьаны адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит, абахҭагьы аахыџхыџит. Абахҭа ашәқәа зегь аатын, иҭакыз рнапқәеи ршьапқәеи злаҿаҳәаз рхырҩны икаҳаит. 27 Абахҭахьчаҩ данааԥш, абахҭа ашәқәа шаатыз аниба, иҭакыз бналаз џьишьан, сҽысшьуеит ҳәа иаҳәа ааҭиԥааит. 28 Аха Павел: «Иҟаумҵан, зегь ара ҳаҟоуп!» — ҳәа иқәҿиҭит. 29 Абахҭа зыхьчоз алашара сшәырба иҳәан, Павели Си́леи ахьҭакыз дныҩнашылан, дҵыс-ҵысуа рҿаԥхьа дшьамхышгылеит. 30 Иара урҭ абахҭа иаадәылиган, дразҵааит: «Исашәҳәа, иҟасҵар акәзеи, сеиқәхарц азы?» 31 Дара ирҳәеит: «Иҳақәиҭу Иисус дхаҵа, усҟан уаргьы уеиқәхоит, уҩнаҭа иатәугьы зегь еиқәхоит». 32 Уи ашьҭахь дара иҩнаҭа иатәызи иареи Иегова иажәа рзеиҭарҳәеит. 33 Уи ауха иара урҭ иган, рыхәрақәа ҿиӡәӡәааит. Нас иҭаацәеи иареи аамҭа мгакәа аӡы рыҽӡаархит. 34 Иара урҭ аҩныҟа инеиган, афатә-ажәтә рызирхиан, пату рықәиҵеит. Иҩнаҭа гәырӷьарыла иҭәын, избанзар иҭаацәеи иареи Анцәа дхарҵеит.

35 Ашьыжь ақалақь ахадацәа абахҭахьчаҩ иахь рыхьчаҩцәа рышьҭит, урҭ ахацәа аужь ҳәа иарҳәарц. 36 Абахҭахьчаҩ Павел ус иеиҳәеит: «Ақалақь ахадацәа шәоусышьҭырц сарҳәеит. Убри аҟынтә шәхы шәақәиҭуп, шәымҩа аабзиахааит». 37 Аха Павел иҳәеит: «Ҳара римаа ҳашреиуоугьы, ҳус мыӡбаӡакәа ажәлар рҿаԥхьа ҳапҟаны, абахҭа ҳҭарыжьит. Нас, уажәы маӡала ҳаурышьҭырцу? Мап, иааины, дара рхаҭа рнапала ҳҭыргааит». 38 Ақалақь ахадацәа рыхьчаҩцәа цан, Павел ииҳәаз рхадацәа ирарҳәеит. Урҭ Павели Си́леи римаа шракәыз анраҳа, ишәеит. 39 Нас иаан, Павели Си́леи рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭарҵеит, нас абахҭа иҭырган, ақалақь иалҵны ицарц ирыҳәеит. 40 Аха дара абахҭа ианҭыҵ, Лидиа лахь ицеит. Уа аишьцәеи дареи еибабан, ргәы шьҭырхын, ақалақь иалҵны ицеит.

17 Дара Амфи́польи Апполо́ниеи ирылсны, ауриацәа рсинагога ахьыҟаз Фессало́никаҟа ицеит. 2 Павел абжьааԥны ишыҟаиҵалоз еиԥш, асинагогахь дцеит. Уа иара х-сабшак инеиԥынкыланы Аҩыра ихы иархәаны ауаа драцәажәон. 3 Иара Христос дгәаҟраны, нас иԥсы ҭалараны дшыҟаз деилыркаауа, ашьақәырӷәӷәарақәа рзааигон. Иара иҳәон: «Иисус ҳәа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо — Христос иоуп». 4 Уи ашьҭахь изыӡырҩуаз рахьтә шьоукы Иисус иҵаҩцәахан, Павели Си́леи рыҽрыдыркылеит. Иара убас Иисус иҵаҩцәаны иҟалеит Анцәа ицәшәоз имаҷҩымкәа абырзенцәеи еицырдыруаз, ҳаҭыр зқәыз аҳәсеи.

5 Уи ауриацәа ашьыцра рызцәырнаган, аџьармыкьаҿы усда-ҳәысда иқәыз ауаа рыцырхырааны ажәлар еизырган, ақалақь хыла-гәыла еиларҵеит. Дара Павели Силеи ажәлар ирырҭарц рҭахын, убри азы ирышьҭаланы Иасо́н иҩны инеин, ашә ԥҽны иҩналеит. 6 Аха ианырымба, Иасо́ни егьырҭ аишьцәеи рыманы, ақалақь ахадацәа рахь иаан, рыбжьы ырцәгьаны ус рҳәеит: «Адунеи зегь хыла-гәыла еилазҵаз арҭ ауаа арахьгьы иааит, 7 Иасо́н иакәзар, урҭ идикылеит. Дара зегьы ацезарь изакәан иаҿагылоит, Иисус ҳәа даҽа аҳак дыҟоуп ҳәа рҳәоит». 8 Ақалақь ахадацәеи ажәлари ари анраҳа, ишәеит. 9 Иасо́ни егьырҭ аишьцәеи ирыхәҭаз аԥара аныддыршәа ашьҭахь ауп ианоурышьҭ.

10 Аишьцәа уи аухаҵәҟьа Павели Си́леи Ве́риаҟа идәықәырҵеит. Ишнеиҵәҟьаз еиԥш, дара ауриацәа рсинагогахь ицеит. 11 Ве́риа инхоз ауаа Фессало́ника инхоз раасҭа здырра ҭбааз уаан. Дара гәык-ԥсыкала Анцәа иажәа рыдыркылеит, насгьы есыҽны инарҵауланы Аҩыра ҭырҵаауан, уа ианызи ирарҳәози еиқәшәоу-еиқәымшәоу гәарҭарц азы. 12 Урҭ рҟынтә Иисус иҵаҩцәа ракәны иҟалаз рацәаҩхеит. Иара убас Иисус иҵаҩцәаны иҟалеит ҳаҭыр зқәыз имаҷҩымкәа абырзен ҳәсақәеи ахацәа шьоуки. 13 Аха Фессало́ника инхоз ауриацәа Павел Ве́риагьы ауаа Анцәа иажәа шрылеиҳәоз анраҳа, уахь ицан, аҵәы ршуа ажәлар еизыргеит. 14 Усҟан аишьцәа аамҭа мгакәа, Павел амшын аԥшаҳәахьы ддәықәырҵеит. Си́леи Тимофеии уа иаангылеит. 15 Аишьцәа Павел Афинанӡа днаскьарган, ихынҳәит. Дара рыла иара Си́леи Тимофеии ирзынаицҳаит, алшара шаароулак, иара иахь инеирц.

16 Павел урҭ Афина дырзыԥшын. Ақалақь аидолқәа рыла ишҭәыз аниба, игәы ԥжәеит. 17 Иара асинагогаҿы ауриацәеи Анцәа ицәшәоз егьырҭ ауааи Аҩыра деилиркаауан, насгьы есыҽны аџьармыкьаҿы иқәшәоз зегьы драцәажәон. 18 Афилософцәа шьоукы — Епику́р ишьҭанеицәеи астоикцәеи — Павел ажәа имакра иалагеит. Шьоукы ирҳәон: «Ииҳәарц ииҭахузеи ари абарбарҩы?» Даҽа шьоукы ирҳәон: «Зыӡбахә имоу атәымнцәахәқәа ракәзар ҟалап». Ус зырҳәоз Павел Иисуси аԥсҭалареи ирызку ажәабжь бзиа ахьиҳәоз азоуп. 19 Дара Павел Ареопа́г ахь дырган, ус иарҳәеит: «Иаҳзеиҭаҳәа ауаа ирылаурҵәо аҵара-дырра ҿыц хыс-ҵыхәас иамоу? 20 Узлацәажәо ҳара ахаан иаҳмаҳацт. Уи иаанаго еилаҳкаар ҳҭахуп». 21 Афинааи уи ақалақь аҿы инхоз атәымтәылауааи рыԥсы аныршьоз, иҿыцу ак аилкаареи уи алацәажәареи бзиа ирбон, уи акәын ԥсыршьагас ирымаз. 22 Павел Ареопаг агәҭа дҩагылан, ус иҳәеит:

«Афинаа, излазбо ала, шәара егьырҭ зегь раасҭа анцәақәа шәрыцәшәоит. 23 Ақалақь сахьалаз, иԥшьоу шәҭыԥқәа санрыхәаԥшуаз, избеит „Иаҳзымдыруа Анцәа изы“ ҳәа зну акәырбаннагарҭа. Ишәзымдырӡакәа шәзымҵахырхәо Анцәа иоуп зыӡбахә шәзеиҭасҳәогьы. 24 Ажәҩани адгьыли Ирықәиҭу, адунеии уи иқәуи зегь зшаз Анцәа ауаа рнапала идыргыло аныҳәарҭақәа рҿы дынхаӡом. 25 Иара акы дазгәаҟуашәа ауаа ак анирҭо, ак анизыҟарҵо ҳәа дыԥшӡам, избанзар иара иоуп ауаа аԥсҭазаара рызҭо, рыԥсыԥ алагаҩагара рылзыршо, ирымоу зегь рызҭо. 26 Иара аӡәы заҵәык иҟынтә ажәларқәа ҿиартә, урҭ адгьыл ықәдырҭәаартә иҟаиҵеит, зегь аамҭа азалихит, ажәларқәа ахьынхаша аҭыԥ рзалихит. 27 Анцәа ус зыҟаиҵаз ауаа гәык-ԥсыкала иԥшаара иашьҭазарц, дагьырыԥшаарц азоуп, избанзар уи ҳара даҳцәыхараӡам. 28 Иара илоуп ҳара ҳаԥсы злаҭоу, ҳазланеи-ааиуа, ҳазлаҟоу. Шәпоетцәа шьоукгьы ирҳәоит „ҳара зегьы иара ихәыҷқәа ҳауп“ ҳәа.

29 Ихәыҷқәа ҳакәзар, ҳгәы иаанамгароуп Анцәа ауаа ахьы, ма араӡны, ма ахаҳә иалхны, рхы иҭҳәааны иҟарҵо акы деиԥшуп ҳәа. 30 Анцәа уаанӡа ауаа рымдыррала иҟарҵоз ичҳауан, аха уажәы адгьыл иқәынхо зегьы рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц реиҳәоит. 31 Избанзар иара иалихыз ауаҩы ила адунеи иқәынхо зегь рус ииашаны ианиӡбо амш азԥиҵәахьеит. Анцәа уи иԥсы ҭеиҵеит, убри алагьы уи амш шааиуа ауаа зегьы агәра диргеит».

32 Аԥсҭалара атәы заҳаз шьоукы аччара иалагеит, егьырҭ: «Даҽазны ҳаузыӡырҩып», — рҳәеит. 33 Нас Павел уантәи дцеит. 34 Аха шьоукы иара иццеит, Иисус иҵаҩцәа ракәынгьы иҟалеит. Урҭ рыбжьара иҟан Ареопа́г аҿы ӡбаҩыс иҟаз Диони́си, Дама́рь зыхьӡыз аԥҳәыс, уҳәа убас егьырҭгьы.

18 Уи ашьҭахь Павел Афинантәи Кори́нфҟа дцеит. 2 Уа иара дибеит Понт иатәыз Аки́ла зыхьӡыз иауриаз хаҵак. Аки́ла иԥҳәыс Приски́ллеи иареи ааигәа Италиантәи иааны иҟан, избанзар Клавди ауриацәа зегьы Рим иалҵырц адҵа ҟаиҵеит. Павел урҭ рахь дцеит. 3 Иаргьы дара реиԥш ақьалақәыршәқәа иӡахуан, убри аҟынтә дара рҿы даангылан, аус рыцура далагеит. 4 Ессабша иара асинагогақәа рҿы ажәахәқәа иҳәон, насгьы ауриацәагьы абырзенцәагьы ииҳәоз агәра диргон*.

5 Си́леи Тимофеии Македониантәи ианаа, Павел иаамҭа зегь Анцәа иажәа ауаа рылаҳәара иазикуа далагеит. Иара ауриацәа агәра диргон Иисус — Христос шиакәу. 6 Аха дара Павел иԥырхаган, иҟоу зегь иарҳәон, убри аҟынтә имаҭәа иршәшәан*, ус реиҳәеит: «Шәыԥсыр, шәара шәоуп изхарахо*. Сара сыцқьоуп. Уажәшьҭа егьырҭ ажәларқәа рахь сцоит». 7 Уантәи иара Ти́ти Иу́ст зыхьӡыз Анцәа ицәшәоз ахаҵа иахь дцеит. Уи иҩны асинагога иавагылан. 8 Асинагога аиҳабы Кри́сп иҩнаҭа иатәызи иареи Иҳақәиҭу дхарҵеит. Ажәабжь бзиа заҳаз имаҷҩымкәа коринфаагьы ахаҵара иалаган, аӡы рыҽӡаархит. 9 Иҳақәиҭу уахынла Павел аԥхыӡ аҿы еиԥш дизааин, ус иеиҳәеит: «Ажәабжьҳәара уаҟәымҵын! Умшәакәа иҳәала, 10 избанзар сара суцуп, аӡәгьы дулакьысӡом, акгьы узиуӡом. Сара ари ақалақь аҿы ирацәаҩны ауаа сымоуп». 11 Павел уа коринфаа Анцәа иажәа дырҵо, шықәсыки бжаки дыҟан.

12 Галлио́н Аха́иа напхгаҩыс даныҟаз, ауриацәа ааилацәажәан, Павел дыкны аӡбарҭахь дыргеит, 13 иагьырҳәеит: «Ари ауаҩ ауаа азакәан аҿы ишану еиԥш акәымкәа, даҽакала Анцәа имҵахырхәара аҭахуп ҳәа агәра диргоит». 14 Аха Павел ак аҳәара дахьӡаанӡа, Галлио́н ауриацәа ус реиҳәеит: «Ауриацәа! Ари ауаҩ закәанк еилеигазҭгьы, ма цәгьарак ҟаиҵазҭгьы, сышәзыӡырҩуан, 15 аха еимашәкуа ажәақәеи, ахьӡқәеи, шәзакәанқәеи ракәзар, шәеимак-шәеиҿак шәхала ишәыӡба. Сара урҭ аусқәа рҿы ӡбаҩыс сшәымам». 16 Убас нараҳәаны, наҟ иԥхеиҵеит. 17 Усҟан дара аӡбарҭаҭыԥ аԥхьа асинагога аиҳабыс иҟаз Сосфе́н ипҟара иалагеит. Аха Галлио́н уи хьаасгьы имкит.

18 Павел уа даҽа ԥыҭраамҭак даангылеит, нас аишьцәа абзиараз ҳәа нараҳәаны, Приски́ллеи, Аки́леи, иареи мшынла Сириаҟа ицеит. Аха амҩа дықәлаанӡа, Кенхре́иа ақалақь аҿы ихахәы амихит, избанзар Анцәа ажәа ииҭеит. 19 Ефес ианнеи, Павел Приски́ллеи Аки́леи ааныжьны, асинагогахь дцеит. Уа иара ауриацәа драцәажәон. 20 Дара Павел уа даҽа ԥыҭраамҭак даангыларц иҳәон, аха иара имуит. 21 Данцоз, ус реиҳәеит: «Иегова* иҭаххар, еиҭах схынҳәуеит». Нас Ефесынтәи мшынла 22 Кеса́риаҟа дцеит, уантәи Иерусалимҟа днеин, уа иҟаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи иареи еибабеит. Уи ашьҭахь Антио́хиаҟа дцеит.

23 Уа ԥыҭраамҭак даанхеит, нас еиҭах амҩа дықәлеит. Иара аҵаҩцәа рӷәӷәо, Гала́тиеи Фри́гиеи рықалақьқәа дрылсны дцон.

24 Александри́а иалҵыз Аполло́с зыхьӡыз уриак Ефесҟа днеит. Уи аҿаԥыц зҿаз, Аҩыра бзиаҵәҟьаны издыруаз уаҩын. 25 Аполло́с Иегова изку адыррақәа иман*. Иара иԥшьоу адоуҳала ихы-игәы ҭәын азы, гәацԥыҳәарала ауаа Иисус иӡбахә рылеиҳәон, насгьы уи изку аҵабырг ииашаны идирҵон, Иоанн ауаа ирылеиҳәоз аӡӡаахра ада акгьы шизымдыруазгьы. 26 Иара гәымшәарала асинагогаҿы ацәажәара далагеит. Приски́ллеи Аки́леи анизыӡырҩы ашьҭахь, дырган, Анцәа имҩа еиҳа инарҵауланы изеиҭарҳәеит. 27 Аполло́с Аха́иаҟа ацара игәы иҭан, убри аҟынтә аишьцәа уа иҟаз аҵаҩцәа уи гәыкала дрыдыркыларц азы асаламшәҟәы рзырҩит. Аха́иаҟа даннеи, иара Анцәа иааирԥшыз ҳзыԥсам ақьиара абзоурала ахаҵара аарԥшра иалагаз даараӡа дрыцхрааит. 28 Иара гәацԥыҳәарала зегьы ишырбоз-ишраҳауаз ауриацәа шиашам шьақәирӷәӷәон, Аҩыра ихы иархәаны, Иисус — Христос шиакәу дирбон.

19 Аполло́с Кори́нф даныҟаз аамҭазы Павел амшын иацәыхараз аҭыԥқәа рыла Ефесҟа дцеит. Уа ԥыҭҩык аҵаҩцәеи иареи еиқәшәан, 2 ус дразҵааит: «Иисус иҵаҩцәа шәакәны шәаныҟала, иԥшьоу адоуҳа шәоузма?» Дара ирҳәеит: «Ҳара иԥшьоу адоуҳа аӡбахәгьы ҳмаҳаӡацт». 3 Усҟан Павел дразҵааит: «Аӡы шәыҽшԥаӡаашәхи?» — «Иоанн ишиҳәоз еиԥш», — рҳәеит дара. 4 Усҟан Павел иҳәеит: «Иоанн ауаа рыгәнаҳақәа ишрыхьхәыз аадырԥшырц азы иӡааихуан, насгьы ишьҭахь иааиуаз Иисус игәра ргарц реиҳәон». 5 Ари анраҳа, Иҳақәиҭу Иисус ихьӡала аӡы рыҽӡаархит. 6 Павел урҭ инапқәа анрықәиҵа, иԥшьоу адоуҳа роун, еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ацәажәареи аԥааимбаражәақәа рҳәареи иалагеит. 7 Урҭ 12-ҩык* раҟара ыҟан.

8 Хымз Павел асинагогақәа рҿы гәымшәарала ауаа драцәажәон. Иара ажәахәқәа иҳәон, насгьы ииҳәоз агәра дырго, Анцәа Иаҳра аӡбахә рзеиҭеиҳәон. 9 Аха шьоукы дара ртәы ҳәо, Павел ииҳәоз агәра агара рҭахымхаӡеит, насгьы зегьы ишраҳауаз Иҳақәиҭу Имҩа иакәым ала иахцәажәон, убри аҟынтә Павел урҭ дырҟәаҵын, аҵаҩцәа иманы наҟ дцеит. Иара Тира́нн ишкол аҿы есыҽны ажәахәқәа иҳәон. 10 Ҩышықәса уи даҿын. Убас Азиа* инхоз зегьы — ауриацәагьы абырзенцәагьы — Иҳақәиҭу иажәа раҳаит.

11 Анцәа Павел инапала узыршанхоз аџьашьахәқәа ҟаиҵон, 12 ачымазцәа ичабрақәеи иԥыраҳәақәеи рызнаргаргьы, ибзиахон, адемонцәа зхаԥаны иҟазгьы ирхыҵуан. 13 Ауаа адемонцәа рхызцоз, ладеи-ҩадеи иакәшоз ауриацәагьы рҽазыршәон Иҳақәиҭу Иисус ихьӡала ауаа адемонцәа рылцара. Дара ирҳәон: «Павел зыӡбахә иҳәо Иисус ихьӡала ишәасҳәоит, абыржәыҵәҟьа ари ауаҩ шәилҵ!» 14 Убас ҟарҵон иауриаз аԥшьаҩ еиҳабы Ске́ва иԥацәа быжьҩык. 15 Аха адемон урҭ ус реиҳәеит: «Иисус дыздыруеит, Павелгьы дыздыруеит, шәара шәызусҭцәада?» 16 Нас адемон дызхаԥаны иҟаз ауаҩы урҭ даарылагьежьын, зегьы аӡәаӡәала ипҟеит. Даргьы ҟәаҟәа-чаҟәаны, маҭәада аҩны идәылҟьаны, иҩны ицеит. 17 Уи Ефес инхоз зегьы ираҳаит, ауриацәагьы абырзенцәагьы. Дара даараӡа ишәеит, насгьы Иҳақәиҭу Иисус ихьӡ еиҳагьы ҳаҭыр ақәырҵо иалагеит. 18 Имаҷҩымкәа ауаа Иҳақәиҭу дхарҵеит. Дара ааны, рыгәнаҳақәа ирыхьхәуан, гәнаҳас иҟарҵаз аартны ирҳәон. 19 Амагиа знапы алакыз рҟынтәгьы Иҳақәиҭу дхазҵаз маҷҩымызт. Дара рышәҟәқәа ааизырган, зегьы ишырбоз амца иақәыжьны ирблит. Урҭ ашәҟәқәа зыԥсаз анырыԥхьаӡа, 50 000 раӡны ҟалеит. 20 Иегова* имчала иажәа ауаа еиҳа-еиҳа ирылаҵәон, амч-алшара еиҳа-еиҳа иазҳауан.

21 Уи ашьҭахь Павел иӡбеит, Македо́ниеи Аха́иеи данрылслак, Иерусалимҟа дцарц. Иара иҳәеит: «Уа саннеилак ашьҭахь, Римҟагьы сцароуп». 22 Иара ҩыџьа ицхырааҩцәа, Тимофеии Ерасти, Македониаҟа ишьҭит, ихаҭа даҽа ԥыҭраамҭак Азиа даангылеит.

23 Убри аамҭазы Иҳақәиҭу Имҩа иахҟьаны аилаҩеиласра ӷәӷәақәа ҟалеит. 24 Димитри зыхьӡыз анапҟаза араӡны иалхны Артемида лныҳәарҭа иеиԥшыз аныҳәарҭа хәыҷқәа ҟаиҵон. Иара ибзоурала аус ицызуаз анапҟазацәа ахашәалахә бзиа роуан. 25 Иара урҭ анапҟазацәеи егьырҭ анапҟазацәеи еизиган, ус реиҳәеит: «Шәара ижәдыруеит ари аус шаҟа аԥара ҳзаанаго. 26 Ижәбоит, иагьшәаҳауеит, ари Павел ҳәа иҟоу ауаа зынӡа даҽак шрылеиҳәо. Иара ауаа рнапала иҟарҵо анцәақәа нцәақәаӡам ҳәа агәра зиргахьо маҷӡам, Ефес инхо рымацара ракәзар, ухы иқәукып, аха Азиа инхогьы иганахь ииаигарц егьигым. 27 Уи иахҟьаны ауаа ҳус ишакәым иахцәажәалоит, уимоу, Артемида ду лныҳәарҭа акгьы иаԥсам ак еиԥш иахәаԥшлоит. Азиа зегь иқәынхо рыдагьы, адунеи иқәынхо лара ишлымҵаныҳәогьы, Павел ииҳәо иахҟьаны лыхьӡ-лыԥша лцәыӡыр алшоит». 28 Ари заҳаз ргәы шны, абас иҳәҳәон: «Ефестәи Артемида илеиҳау дыҟам!»

29 Уи иахҟьаны ақалақь аҿы аилаҩынтра ҟалеит. Ажәлар еизан, атеатр ахь еихеит. Дара Павел иҩызцәа, Македо́ниа иатәыз Га́ии Ареста́рхи, кны уахь ирыманы ицеит. 30 Павел уахь дцаны ажәлар драцәажәар иҭахын, аха аҵаҩцәа ирмуӡеит. 31 Павел ҳаҭыр иқәызҵоз, аныҳәақәеи ахәмаррақәеи еиҿызкаауаз шьоукгьы уахь умнеин, уԥсҭазаара ашәарҭара иҭоумыргылан ҳәа изынарыцҳаит. 32 Еизаз зегь хыла-гәыла еилан, еибарҳәҳәо, шьоукы ак рҳәон, егьырҭ даҽак рҳәон. Реиҳараҩык изеизазгьы рыздыруамызт. 33 Ауриацәа Александр игәҭасны ажәлар раԥхьа ддыргылеит, иаргьы ажәлар изыӡырҩырц азы инапала адырга дирбеит. 34 Аха дшауриаз анеилыркаа, аҳәҳәара иалагеит: «Ефестәи Артемида илеиҳау дыҟам»! Убас дара ҩ-сааҭк раҟара иҳәҳәон.

35 Ақалақь аиҳабы ииулак ажәлар еиқәикын, ус реиҳәеит: «Ефесаа, дарбану иззымдыруа Ефес ақалақь Артемида ду лныҳәарҭеи ажәҩан аҟынтә иҳазкашәаз лсахьеи зыхьчо қалақьны ишыҟоу? 36 Уи зегьы ирдыруеит. Убри аҟынтә шәыҽшәырҭынч, хыма-ԥсыма ак ҳаӡбоит ҳәа шәаламган. 37 Арахь иаажәгаз ауаа ҳныҳәарҭақәагь дмырҳәит, ҳанцәахәгьы ишакәым илхымцәажәеит. 38 Димитрии егьырҭ анапҟазацәеи аӡәы ахара идырҵар рҭахызар, аусӡбарақәа анымҩаԥаҳго амшқәа алхны иҳамоуп, апровинциа иахагылоугьы ыҟоуп. Еимаркуа-еиҿаркуа аусӡбарҭаҿы ирҳәалааит. 39 Аха ишәҭаху даҽак акәзар, уи закәанла ауаа еизганы иӡбатәуп. 40 Иахьатәи ахҭыс иахҟьаны ақалақь хыла-гәыла еилазҵо, аҿагылара шьҭызхуа реиԥш ахара ҳадлар алшоит, избанзар абриаҟара ауаа еизаҳгартә еиԥш акгьы ҟамлаӡеит». 41 Абас нараҳәаны, ажәлар еимирпит.

20 Ажәлар анеиқәтәа, Павел аҵаҩцәа аарц рзынаицҳаит. Ианаа, ргәы ирӷәӷәан, абзиараз ҳәа нараҳәаны, Македо́ниаҟа амҩа дықәлеит. 2 Аҵаҩцәа ргәы рӷәӷәо, урҭ аҭыԥқәа данрылс ашьҭахь, Бырзентәылаҟа дцеит. 3 Уа хымз дыҟан. Мшынла Сириаҟа ддәықәлараны даныҟаз аламҭалазы ауриацәа дыршьырц шырҭахыз еиликаан, дхынҳәны Македониала дцарц иӡбеит. 4 Иара ицын Ве́риа иатәыз Пирр иԥа Сопа́три, Фессало́ника иатәыз Ариста́рхи Секу́нди, Де́рвиа иатәыз Га́ии, Тимофеии, иара убас Азиа* иатәыз Ти́хики Трофими. 5 Урҭ аишьцәа ҳаԥхьа Троа́даҟа ицан, уа иаҳзыԥшын. 6 Арҵәыга злам ача аныҳәа ашьҭахь Филиппынтәи мшынла урҭ ахьыҟаз Троа́даҟа ҳцеит, хәымш рылагьы ҳнеит. Уа ҳара бжьымшы ҳаҟан.

7 Амчыбжь актәи амш аҽны ҳара акреицаҳфарц азы ҳаизеит. Павел уа иҟаз зегь рахь ихы рханы, ацәажәара далагеит. Адырҩаҽны иара амҩа дықәлараны дыҟан, убри азы ҵхагәанынӡа ажәахә иҳәон. 8 Ҳахьеизаз хыхьтәи ауадаҿы акәаҷабқәа рацәаны иаркын. 9 Евти́х зыхьӡыз арԥыск аԥенџьыр дықәтәан. Павел ажәахә аниҳәоз аамҭазы уи арԥыс дамхацәан, ахԥатәи аихагыла аҟынтә дкаҳаит. Дышьҭырхырц азы ианылбаа, дыԥсхьан. 10 Павел дналбаан, арԥыс дааигәыдиҳәҳәалан, ус иҳәеит: «Шәымшәан, иԥсы ҭоуп». 11 Нас Павел хыхь дхалан, ача ааԥиҽын*, акрыфара далагеит. Иара урҭ шарԥазынӡа драцәажәон, нас имҩа дықәлеит. 12 Дара арԥыс деибга-деизҩыда дрыманы, игәырӷьаҵәа аҩныҟа ицеит.

13 Нас ӷбала Павели ҳареи ҳаиқәшәараны ҳахьыҟаз Ассҟа ҳдәықәлеит. Иара уахь шьапыла дцарц иӡбеит, уа дышьҭаҳхырцгьы ҳаиҳәеит. 14 Уа ҳанеиқәшәа, дышьҭаҳхын, ҳаицны Митили́наҟа ҳдәықәлеит. 15 Адырҩаҽны Хио́сҟа ҳдәықәлеит, адырхаҽны Само́сҟа ҳнеит, даҽа мышк ашьҭахь Миле́т ҳнеит. 16 Павел Ефес даанымгылаӡакәа, имҩа иациҵарц иӡбеит, избанзар Азиа мыцхәы даанхар иҭахӡамызт. Иара Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа аҽны Иерусалим дыҟазарц иҭахын азы дыццакуан.

17 Аха Миле́т даныҟаз, ефестәи аизара ахылаԥшыҩцәа* иара иахь инеирц рзынаицҳаит. 18 Ианнеи, Павел ус реиҳәеит: «Шәара ибзианы ижәдыруеит, Азиа сшьапы анықәсыргыла инаркны шәыбжьара схы шымҩаԥызгоз. 19 Сызшьырц зҭахыз ауриацәа ирыхҟьаны агәаҟрақәа сышрықәшәозгьы, сышлаӷырӡышозгьы, ахынраалара аарԥшны, маҵуҩык иеиԥш Иҳақәиҭу имаҵ зуан. 20 Сара акгьы шәцәымҵәахӡакәа, ишәыхәашаз, хәарҭа шәзаазгашаз шәасҳәон, ауаа рацәа рҿаԥхьагьы, ҩнаҭацыԥхьаӡагьы, сааҟәымҵӡакәа, Анцәа иажәа шәсырҵон. 21 Ауриацәагьы абырзенцәагьы рыгәнаҳақәа ирыхьхәны Анцәа иахь ихьаҳәырц, насгьы Иҳақәиҭу Иисус дхарҵарц азы зыгәра ргашаз ашьақәырӷәӷәарақәа рзаазгон*. 22 Уажәшьҭа иԥшьоу адоуҳа ишсыҵанаҳәо еиԥш, Иерусалимҟа сцоит, уа сзықәшәо шысзымдыруагьы. 23 Аха акызаҵәык ибзианы издыруеит: қалақьцыԥхьаӡа сахьнеилакгьы, иԥшьоу адоуҳа абахҭеи агәаҟрақәеи шысзыԥшу санаҳәоит. 24 Аха сара схы-сыԥсы сеигӡаӡом, исҭаху сымҩа санысырц, насгьы Иҳақәиҭу Иисус снапы ианиҵаз амаҵзура насыгӡарц ауп. Иара Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара иазку ажәабжь бзиа сҳәаларц* сыдиҵеит.

25 Сара издыруеит, шәара — Аҳра аӡбахә засҳәахьоу зегьы — уаҳа ахаан сшышәымбо. 26 Убри аҟынтә иахьа сшәыҳәоит, аӡәымзар-аӡәы иԥсра шысхарам* шьақәшәырӷәӷәарц, 27 избанзар сара акгьы шәцәымҵәахӡакәа, Анцәа иҟаиҵараны иҟоу зегь шәзеиҭасҳәон. 28 Шәхы шәацклаԥшла, насгьы Иԥа ишьала Анцәа иааихәаз аизара шәыхьчаларц азы иԥшьоу адоуҳа шәызханаргылаз Анцәа иԥсаса шәахылаԥшла. 29 Сара издыруеит, санцалак ашьҭахь ақәыџьмақәа шшәылало. Дара рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа, аԥсаса ирықәымчлоит. 30 Иара шәыбжьарагьы аҵабырг еицазкуа ауаа цәырҵуеит, дара аҵаҩцәа рганахь ииаргарц иашьҭалоит.

31 Убри аҟынтә шәгәышәҽаныз, ишәхашәмыршҭын хышықәса уахгьы-ҽынгьы, сааҟәымҵӡакәа, слаӷырӡышо сышшәылабжьоз. 32 Уажәшьҭа Анцәа инапы шәанысҵоит, иара шәихьчалааит, иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара иазку ажәагьы шәахьчалааит. Уи ажәа шәарӷәӷәоит, насгьы иԥшьоу зегьы зқәыргәыӷу аҳамҭа шәнаҭоит. 33 Сара ахаан аӡәы ираӡны, ихьы, ма имаҭәа самеилаҳацызт. 34 Шәара ижәдыруеит, сара схала схы шныҟәызгоз, исыцқәазгьы сышрыцхраауаз. 35 Сара схатә ҿырԥшала ишәсырбеит, иԥсыҽу шәрыцхраалар шшәыхәҭоу, насгьы ишәхашәмыршҭлар шакәу Иҳақәиҭу Иисус ииҳәаз абарҭ ажәақәа: „Аӡәы ак ануиҭо аасҭа, иара ак аниуҭо еиҳа инасыԥуп“».

36 Абри ҳәаны даналга, Павел дшьамхышгылан, Анцәа иҳәара далагеит, егьырҭгьы шьамхышгылеит. 37 Нас зегь еибарҵәыуо, Павел игәыдыҳәҳәалареи игәӡреи иалагеит. 38 Еиҳарак ргәы дзырхьыз Павел уаҳа сыжәбаӡом ҳәа ахьреиҳәаз ауп. Нас аӷба аҟынӡа днаскьаргеит.

21 Ҳаибарҵәыуо ҳанеиԥырҵ ашьҭахь, мшынла ҳашиашаз Косҟа ҳцеит, адырҩаҽны Ро́дос ҳнеит, уантәи Пата́раҟа ҳцеит. 2 Финики́аҟа ицоз аӷба анаҳаԥшаа, уи ҳақәтәан, ҳамҩа иацаҳҵеит. 3 Кипр арымарахьтәи аган ала ҳаҩсны, Сириаҟа ҳхы ҳархан, Тир ҳнеит. Уа аӷба аидара ақәырхыр акәын. 4 Ҳара аҵаҩцәа ҳаԥшаан, бжьымшы дара рҿы ҳаҟан. Дара Павел Иерусалимҟа умцан ҳәа зныкымкәа иарҳәон, избанзар иԥшьоу адоуҳа ус ранаҳәон. 5 Аӷба адәықәлара аамҭа анааи, ҳҽааизаҳган, амҩа ҳақәлеит. Аҵаҩцәа зегьы, аҳәсагьы ахәыҷқәагьы, аԥшаҳәа аҟынӡа ҳнаскьаргеит. Уа ҳшьамхышгыланы Анцәа ҳиҳәан, 6 абзиараз ҳәа еибаҳҳәеит. Нас ҳара аӷба ҳақәтәеит, дара рыҩныҟақәа рахь ихынҳәит.

7 Тирынтәи Птолемаи́даҟа ҳааит. Уа аишьцәеи ҳареи ҳаибабан, мышкы дара рҿы ҳаангылеит. 8 Адырҩаҽны ҳдәықәлан, Кеса́риаҟа ҳцеит. Уа ауаа ажәабжь бзиа рылазҳәоз Филипп иҩны ҳнеин, иара иҿы ҳаангылеит. Иара Иерусалим апостолцәа иалырхыз быжьҩык ахацәа дыруаӡәкын. 9 Филипп хаҵа имцацыз, иԥааимбаруаз ԥшьҩык аԥҳацәа иман. 10 Ԥыҭрак ашьҭахь Иудеиантәи Ага́в зыхьӡыз аԥааимбар дааит. 11 Уи ҳара ҳахь дааин, инапқәеи ишьапқәеи Павел имаҟала иҿеиҳәан, ус иҳәеит: «Абас аҳәоит иԥшьоу адоуҳа: „Иерусалим иҟоу ауриацәа абри амаҟа зтәу абас дҿаҳәаны, дганы иауриам дрырҭоит“». 12 Ари анҳаҳа, уа иҟаз аишьцәагьы ҳаргьы Павел Иерусалимҟа умцан ҳәа иҳәара ҳалагеит. 13 Аха Павел иҳәеит: «Иҟашәҵои, уара? Шәеибарҵәыуо сгәы зеиҟәыжәжәои? Сара Иҳақәиҭу Иисус ихьӡ аҳаҭыр азы Иерусалим абахҭа аҭатәара акәым, аԥсрагьы сазхиоуп». 14 Ииӡбаз ԥсахшьа шамам анеилаҳкаа, ҳаиҟәаҵын, ус ҳҳәеит: «Иегова* ишиҭаху иҟалааит».

15 Уи ашьҭахь ҳҽааизаҳган, Иерусалимҟа ҳдәықәлеит. 16 Кеса́риатәи аҵаҩцәа шьоукгьы ҳацны ицеит. Дара раԥхьатәи аҵаҩцәа ируаӡәкыз, Кипр иатәыз Мнасо́н иахь ҳаргеит. Иара иҿы ҳаангылар акәын. 17 Иерусалим ҳаннеи, аишьцәа гәырӷьаҵәа ҳрыдыркылеит. 18 Адырҩаҽны Павели ҳареи Иаков иахь ҳцеит. Уа аизара ахылаԥшыҩцәа* зегь еизаны иҟан. 19 Павел урҭ аԥсшәа реиҳәан, имаҵзура абзоурала Анцәа егьырҭ ажәларқәа рзы иҟаиҵаз зегь ак агмыжькәа рзеиҭаҳәара далагеит.

20 Аишьцәа ари анраҳа, Анцәа ирҳаракра иалагеит, нас ус рҳәеит: «Ҳашьа, иубоит, зықьҩыла ауриацәа Иисус иҵаҩцәа шракәхаз. Дара зегьы гәык-ԥсыкала азакәан иахӡыӡаауеит. 21 Аха дара лымҳаҭаск роуит, ираҳаит егьырҭ ажәларқәа рыбжьара инхо ауриацәа Моисеи изакәан иацәхьаҵырц роуҳәошәа, насгьы ахәыҷқәа раԥхьатә ахсареи аҵасқәа рықәныҟәареи аҭахӡам ҳәа дурҵошәа. 22 Уажәшьҭа ишԥаҟаҳҵо? Ушааз рмаҳар ҟалом. 23 Иуаҳҳәо ҟаҵа: ҳара Анцәа ажәа изҭаз ԥшьҩык ауаа ҳамоуп. 24 Убарҭ уманы уца, азакәан ишаҳәо еиԥш шәҽышәрыцқьа, насгьы рхарџь уара ухахьы ига, рхахәы амырхырц азы. Усҟан зегьы еилыркаауеит, ираҳаз уҳәан-сҳәан шакәу, насгьы ухы иашаны ишымҩаԥуго, азакәангьы шеилаумго. 25 Ахаҵара аазырԥшыз иауриам ртәы ҳҳәозар, урҭ иҳадаҳкылаз аӡбара асаламшәҟәы ианҵаны ирзаҳашьҭит. Ираҳҳәеит рҽацәырыхьчаларц амцнцәахәқәа ирызнарго, ашьа, иԥсхаԥсыз аԥстәы ажьы*, асексуалтә ламысдара*».

26 Адырҩаҽны Павел урҭ ахацәа иманы дцан, азакәан ишаҳәоз еиԥш иҽирыцқьеит, даргьы рҽыдрыцқьеит. Нас аныҳәарҭа дыҩналан, рыҽрыцқьара аамҭа анынҵәо, насгьы дасу ихәҭоу акәырбан наргараны ианыҟоу рылеиҳәеит.

27 Бжьымшы аанҵәоны еиԥш, Азиа* иатәыз ауриацәа Павел аныҳәарҭаҿы данырба, ажәлар ижәырҵан, дыркит. 28 Дара ҳәҳәон: «Израильаа, шәҳацхраа! Ари ауаҩ ҳажәлари, ҳзакәани, ари аҭыԥи рыхьӡ лазырҟәуа аҵара зехьынџьара ауаа ирылеирҵәоит. Уимоу, аныҳәарҭахь абырзенцәа иманы даан, иԥшьоу аҭыԥ иҟьашьит». 29 Уаанӡа дара ирбахьан Павели Ефе́с иатәыз Трофи́ми ақалақь аҿы ишеицыз, убри аҟынтә дара ргәы иаанагеит, Павел уи аныҳәарҭахь днеигеит ҳәа. 30 Ақалақь аҿы аилаҩынтра ҟалеит. Ауаа зегь еибарыҩны иаан, Павел аныҳәарҭа ддәылҳәаны дыргеит, ашәқәагьы иаразнак иакит. 31 Дара Павел дыршьырц рҭахын. Аха ипҟара ианаҿыз аамҭазы, 1 000-ҩык аруаа ирхагылаз иарҳәеит Иерусалим зегь хыла-гәыла ишеилоу. 32 1 000-ҩык аруаа ирхагылаз ари аниаҳа, аруааи урҭ реиҳабацәеи иманы иаразнак уахь днеит. 1 000-ҩык аруаа ирхагылаз аруаа иманы дышнеиз анырба, Павел ипҟара иаҟәыҵит.

33 Иара Павел даарымихын, ҩ-зынџьырк* рыла дҿашәҳәа ҳәа адҵа ҟаиҵеит. Нас дызусҭада, иҟаиҵеи ҳәа аҵаара далагеит. 34 Аха еилагылаз ажәлар еибарҳәҳәо, шьоукы ак рҳәон, егьырҭ даҽак рҳәон. Ур-сыр ҳәа еилан азы, Павел ихарарҵоз ҳәа акгьы изеилымкааит. Убри азы аруаа рказармахь дыргарц адҵа ҟаиҵеит. 35 Павел амардуан аҟынӡа даннарга, ажәлар зынӡа еилагеит. Убри азы аруаа дышьҭыхны дыргар акәхеит. 36 Аха ажәлар ишьҭаланы иахьцоз, наҟ дышәшьы ҳәа иҳәҳәон.

37 Павел аказарма даныҩналоз аламҭалазы: «Акы сшәазҵаар ҟалома?» — ҳәа 1 000-ҩык аруаа ирхагылаз диазҵааит. — «Бырзен бызшәала уцәажәома?» — иџьашьаны дҵааит уи. 38 «Уара ааигәа ақалақь зегь хыла-гәыла еилазҵаз, насгьы аҟамақәа зыҟәныз 4 000-ҩык ахацәа ацәҳәырахь изгаз египеттәи ахаҵа уакәӡами?» 39 Усҟан Павел иҳәеит: «Сара сауриоуп, зегь еицырдыруа киликиатәи ақалақь Тарс сатәуп. Суҳәоит, ажәлар срацәажәарц азин сыҭ». 40 Азин аниоу, амардуан дахьаҿагылаз, ажәлар изыӡырҩырц азы инапала адырга дирбеит. Рҽанеиқәырк, ауриа бызшәала ацәажәара далаган, ус иҳәеит:

22 «Сашьцәа, сабацәа, шәаасзыӡырҩы, иҟалаз шәзеиҭасҳәоит». 2 Ауриа бызшәала дышцәажәоз анраҳа, еиҳагьы рыҽдырҭынчит, иаргьы иажәа иациҵан, ус иҳәеит: 3 «Сара сауриоуп, килики́атәи ақалақь Тарс сиит. Аҵара сҵеит ара, Иерусалим, Гамалии́л иҿы, Моисеи изакәан ак агмыжькәа аныҟәгашьа сдырҵеит. Шәара шәеиԥш саргьы гәацԥыҳәарала Анцәа имаҵ зуа аӡә соуп. 4 Сара ари Амҩа иатәыз ахацәагьы аҳәсагьы абахҭақәа ирҭаскуан, рышьрагьы сашьҭан. 5 Уи шьақәирӷәӷәар илшоит аԥшьаҩ хада, иара убас аиҳабацәа рхеидкыла иалахәу зегьы. Урҭ дамасктәи анапхгаҩцәа рзы асаламшәҟәқәа рымхны, Дамаскҟа амҩа сықәлеит, ари Амҩа иатәыз ҿаҳәаны, Иерусалимҟа исыманы саарц, ара рус рыӡбарц азы.

6 Аха шьыбжьагәазы, Дамаск саназааигәахоз, иаалырҟьаны ажәҩан аҟынтә лашарак жжаӡа иаасықәыҷҷан, 7 скаҳаит. Нас абас зҳәоз бжьык саҳаит: „Савл, Савл, узсышьҭашәарыцои?“ 8 Сара сҵааит: „Узусҭада, ухаҵкы?“ Иара иҳәеит: „Сара Назаре́т иатәу, узышьҭашәарыцо Иисус соуп“. 9 Исыцызгьы алашара рбон, аха исацәажәоз ибжьы раҳаӡомызт. 10 Усҟан сара исҳәеит: „Исықәиҭу, иҟасҵарызеи?“ Иара иҳәеит: „Угыланы Дамаскҟа уца. Уа иҟоуҵаша уарҳәоит“. 11 Аха исҿаҷҷаз алашара сарлашәит азы, исыцыз снапы санкны, Дамаскҟа сыргар акәхеит.

12 Уа дынхон Анцәа ицәшәоз, Ана́ниа зыхьӡыз хаҵак. Иара азакәан дықәныҟәон. Уа инхоз ауриацәа зегьы уи пату иқәырҵон. 13 Уи ахаҵа сара сахь даан, ус сеиҳәеит: „Савл, сашьа, улақәа еиҭах ирбо иҟалааит“. Иаразнакгьы сылақәа аатын, Ана́ниа дызбеит. 14 Ана́ниа иҳәеит: „Ҳабацәа рабацәа Рынцәа уара уалихит, игәҭакы еилукаарц азы, ииашоу, иԥшьоу Иисус дубарц азы, ибжьгьы уаҳарц азы, 15 избанзар иара иуирбаз, иуеиҳәаз зегьы ирылоуҳәалоит. 16 Уззыԥшуи? Уҩагыланы аӡы уҽӡаах, ихьӡалагьы угәнаҳақәа ухых“.

17 Аха Иерусалимҟа саныхынҳә, аныҳәарҭаҿы Анцәа иҳәара санаҿыз, аԥхыӡ еиԥш ак збеит. 18 Дызбеит Иҳақәиҭу, иара ус сеиҳәеит: „Уццакы, ирласны Иерусалим уалҵ, избанзар ара сара исызкны ироуҳәо рыдыркылаӡом“. 19 Усҟан сара исҳәеит: „Исықәиҭу, дара ибзианы ирдыруеит, сара угәра згоз абахҭа ишҭаскуаз, асинагогақәа рҿы ишысыпҟоз. 20 Ухьӡала шаҳаҭра зуаз Стефа́н даныршьуазгьы, сара уа сыҟан, дызшьуаз иҟарҵо иашоуп ҳәа сыԥхьаӡон, рымаҭәақәагьы сыхьчон“. 21 Аха иара уеизгьы ус сеиҳәеит: „Уца, избанзар сара хара иҟоу ажәларқәа рахь удәықәысҵоит“».

22 Абри иҳәаанӡа изыӡырҩуан, аха нас еилалан, еибарҳәҳәо абас рҳәеит: «Наҟ дықәыжәга! Дышәшьы!» 23 Дара ҳәҳәо, рымаҭәақәа ршәыхны идыршәуан, адгьыл аҟынтәи асаба шьҭыхны, аҳауа иаларҵон. 24 Убри азы 1 000-ҩык аруаа реиҳабы Павел аказармахь дыргарц иҳәеит, насгьы ажәлар ишьра изашьҭаз еиликаарц азы дыпҟаны, иҿахәы иҿырхырц адҵа ҟаиҵеит. 25 Аха Павел дрыпҟарц азы данкыдҿарҳәала, иара уа игылаз 100-ҩык аруаа ирхагылаз ус диазҵааит: «Римтәи атәылауаҩ иус мыӡбаӡакәа ипҟара азин шәымоума?» 26 Усҟан 100-ҩык аруаа ирхагылаз 1 000-ҩык аруаа ирхагылаз иахь дцан, ус иеиҳәеит: «Иҟауҵо закәи? Ари ауаҩ Рим атәылауаҩ иоуп». 27 Ари заҳаз 1 000-ҩык аруаа ирхагылаз Павел днаидгылан, Рим атәылауаҩ уоума ҳәа диазҵааит. «Ааи», — иҳәеит Павел. 28 Усҟан 1 000-ҩык аруаа ирхагылаз ус иҳәеит: «Сара уи атәылауаҩра аԥара ду ахҭынҵаны иаасхәеит». — «Сара уи сааиижьҭеи исымоуп», — иҳәеит Павел.

29 Усҟан Павел иҿахәы иҿызхырц зҭахыз аруаа наҟ иԥырҵит. 1 000-ҩык аруаа ирхагылаз иакәзар, иҿеиҳәаз Рим атәылауаҩ шиакәу анеиликаа, дшәеит.

30 Адырҩаҽны 1 000-ҩык аруаа ирхагылаз ауриацәа Павел харас идырҵо еиликаарц азы дызлаҿеиҳәаз азынџьырқәа* ихихын, аԥшьаҩ еиҳабацәеи Асинедрио́н иалахәызи еизарц адҵа ҟаиҵеит. Нас Павел днаганы, урҭ рҿаԥхьа диргылеит.

23 Павел Асинедрио́н иалахәыз днарыхәаԥшын, ус иҳәеит: «Сашьцәа, иахьа уажәраанӡа Анцәа иҿаԥхьа ииашаны схы мҩаԥызгон, сыламысгьы цқьоуп». 2 Усҟан ԥшьаҩ хадас иҟаз Ана́ниа Павел ивагылаз Павел иқьышә иҭасырц реиҳәеит. 3 Аха Павел иҳәеит: «Анцәа уаргьы уипҟараны дыҟоуп, аҭӡы шкәакәа уара! Уара сус закәанла иуӡбарц азоуп узтәоу, арахь исысырц раҳәаны, ухаҭа азакәан еилоугоит». 4 Павел ивагылаз ари ргәамԥхан, ус иарҳәеит: «Анцәа иалихыз аԥшьаҩ хада абас шԥеизуҳәо?» 5 Павел иҳәеит: «Сашьцәа, сара ари дшыԥшьаҩ хадоу сыздыруамызт, иаными „ужәлар ирхагылоу иакәым изумҳәан“ ҳәа».

6 Павел Асинедрио́н аҿы иҟаз абжаҩык шсаддукеицәаз, абжаҩык шфарисеицәаз идыруан азы, ус иҳәеит: «Сашьцәа, сара сфарисеиуп, афарисеи иԥа соуп. Изсықәыӡбо аԥсцәа рыԥсы шҭало агәра ахьызго азоуп». 7 Павел ари аниҳәа, афарисеицәеи асаддукеицәеи еиҿагылан, ажәеимакра иалагеит. 8 Избанзар асаддукеицәа аԥсцәа рыԥсы шҭало, насгьы амаалықьцәа шыҟоу агәра ргаӡом, аха афарисеицәа уи зегь агәра ргоит. 9 Урҭ рыбжьқәа духеит. Афарисеицәа иреиуаз азакәанрҵаҩцәа шьоукы рыԥсахы еибакны ус рҳәон: «Ҳара ари ауаҩ ицәгьоу ҳәа акгьы идаҳбалаӡом. Иацәажәоз амаалықь иакәзар...» 10 Реимак-реиҿак еиҳа аҽанарцәгьа, 1 000-ҩык аруаа ирхагылаз Павел деимырыжәжәар ҳәа дшәеит, убри азы наҟ днарылганы, аруаа рказармахь дыргарц адҵа ҟаиҵеит.

11 Уи ауха Иҳақәиҭу Павел дизааин, ус иеиҳәеит: «Уҽырӷәӷәа, умшәан! Иерусалим сыӡбахә ак агмыжькәа зегьы ишрылоуҳәоз* еиԥш, Римгьы ирылоуҳәараны уҟоуп».

12 Адырҩаҽны ауриацәа ааилацәажәан, Павел даҳшьаанӡа акрышаҳамфо, акрышаҳамжәуа ҳәа аҿаҭахьа рықәырҵеит*. 13 Иқәыз рхыԥхьаӡара 40-ҩык иреиҳан. 14 Дара аԥшьаҩ еиҳабацәеи ажәлар реиҳабацәеи рахь ицан, ус рҳәеит: «Ҳара Павел даҳшьаанӡа, ҿаҵакгьы шаҳамфо ҳәа аҿаҭахьа ҳақәаҳҵеит. 15 Уажәшьҭа Асинедрио́н иалахәуи шәареи Павел иус еиӷьны еилшәыргар шәҭахушәа ҟаҵаны, 1 000-ҩык аруаа ирхагылоу уи дааигарц шәиҳәа. Ҳара уи имҩа кны, иҭыԥ дықәаҳҵоит».

16 Аха Павел иаҳәшьаԥа урҭ ргәы иҭаркыз аниаҳа, аруаа рказармахь днеин, иаҳаз зегь Павел изеиҭеиҳәеит. 17 Уи ашьҭахь Павел аруаа реиҳабацәа руаӡәк дааиԥхьан, диҳәеит: «Абри арԥыс 1 000-ҩык аруаа ирхагылоу иахь дга, иара уи ак иеиҳәар иҭахуп». 18 Усҟан иара арԥыс 1 000-ҩык аруаа ирхагылаз иахь днеиган, ус иҳәеит: «Иҭакны иумоу Павел дсыԥхьан, абри арԥыс уара уахь даазгарц дсыҳәеит, ак уеиҳәар иҭахуп ҳәа сеиҳәеит». 19 1 000-ҩык аруаа ирхагылаз арԥыс инапы кны днаскьеиган: «Исоуҳәарц иуҭахузеи?» — ҳәа диазҵааит. 20 Арԥыс иҳәеит: «Ауриацәа Павел иус еиӷьны иҭырҵаарц рҭахушәа ҟаҵаны, уаҵәы Асинедрио́н ахь дноугарц азы иуҳәарц еибырҳәеит. 21 Аха рыгәра умган, избанзар 40-ҩык инареиҳаны ицәыҵатәаны иԥшызаауеит, дыршьырц азы. Дара Павел дыршьаанӡа акрышырымфо, акрышырымжәуа ҳәа аҿаҭахьа рықәырҵеит. Дара хиоуп, уҭак ауп иззыԥшу». 22 Уи ашьҭахь 1 000-ҩык аруаа реиҳабы арԥыс ари шсоуҳәаз аӡәгьы иоумҳәан ҳәа наиаҳәаны дишьҭит.

23 Усҟан 1 000-ҩык аруаа реиҳабы ар ирхагылаз ҩыџьа ахацәа дрыԥхьан, ус реиҳәеит: «Еизыжәга 200-ҩык аруааи, 70-ҩык аҽыуааи, 200-ҩык аԥсаныҟәгаҩцәеи. Уаха асааҭ 9 рзы* Кеса́риаҟа идәықәаҳҵоит. Рҽырхианы иҟазааит. 24 Иара убас Павел изы аҽқәа шәырхиа, деибга-деизҩыда анапхгаҩы Феликс иҟынӡа днажәгарц азы». 25 1 000-ҩык аруаа ирхагылаз асаламшәҟәгьы иҩын, абас аниҵеит:

26 «Уаҳаракыра анапхгаҩы Феликс, бзиара умаз! Изыҩуа Кла́вди Ли́си соуп. 27 Ауриацәа ари ауаҩ дыршьырц азы ижәлеит, аха рыгәҭакы нарыгӡаанӡа срыхьӡан, аруаа сыманы снеин, деиқәсырхеит, избанзар Рим атәылауаҩ шиакәу еилыскааит. 28 Нас дзыхдырҟьаз еилыскаарц азы, р-Синедрио́н ахь дсыманы сцеит. 29 Харас идырҵо рзакәан ишадҳәалоу еилыскааит, аха дҭоукыртә, ма ашьра иқәуҵартә еиԥш акгьы ҟаимҵаӡеит. 30 Дыршьырц азы имҩа ркырц ргәы ишҭаз анеилыскаа, иаразнак уара уахь дсышьҭит, насгьы иаӷацәа дзыхдырҟьо уара уҿаԥхьа ирҳәарц расҳәеит».

31 Аруаа ишрыдыз еиԥш, Павел дрыманы амҩа иқәлан, ҵхагәазы Антипатри́да инеит. 32 Адырҩаҽны дара Павел аҽыуаа ицҵаны, Кеса́риаҟа дрышьҭит. Рхаҭа аруаа рказармахь ихынҳәит. 33 Аҽыуаа Кеса́риа ианнеи, Павел анапхгаҩы дирҭеит, асаламшәҟәгьы инапы иадыркит. 34 Феликс асаламшәҟәы данаԥхьа ашьҭахь, уахьынхо иарбан провинциоу ҳәа Павел диазҵааит, Килики́а дшатәызгьы еиликааит. 35 «Ахара удызҵо анааилак, уус сыӡбоит», — ҳәа наиеиҳәан, И́род иаҳҭынраҿы дҭаркырц адҵа ҟаиҵеит.

24 Хәымш рышьҭахь аԥшьаҩ хада Ана́ниа ажәлар реиҳабацәеи Терту́лл зыхьӡыз адукати* иманы, Кесариа́ҟа днеит. Уа дара анапхгаҩ иҿаԥхьа Павел харас идырҵоз атәы рҳәеит. 2 Терту́лл ианиԥхьа, Феликс иҿаԥхьа Павел харас идырҵо аҳәара далагеит. Иара иҳәеит:

«Уаҳаракыра Феликс, ухаҵкы! Иҭабуп ҳәа уаҳҳәоит иҟәыӷоу унапхгара абзоурала иҳамоу аҭынчразы, ауаажәлар рыԥсҭазаара ахьеиӷьутәыз азы. 3 Иаҳзыҟауҵо зегьы ахә ҳаракны иаҳшьоит. 4 Аамҭа рацәаны иуцәызгар сҭахӡам, иааркьаҿны иаҳҭаху уаҳҳәоит. Ҳуҳәоит, ишуҟазшьоу еиԥш, ачҳара аарԥшны уаҳзыӡырҩырц. 5 Ари ауаҩ цәгьамзар бзиа ҟаиҵаӡом, адунеи иқәынхо ауриацәа зегьы хыла-гәыла еилеиҵоит, назаретаа рсекта дахагылоуп. 6 Уимоу, аныҳәарҭа иҟьашьыр иҭахын, убри азы дҭаҳкит. 7 ——* 8 Иҿахәы иҿухыр, ухаҭа еилукаауеит, иаҳҳәо зегь шҵабыргу».

9 Абри аниҳәа ашьҭахь, ауриацәа ииҳәаз зегь иашоуп ҳәа аҳәара иалагеит. 10 Феликс ихы рҵысны Павел адырга анииҭа, Павел ацәажәара далаган, ус иҳәеит:

«Сара издыруеит, ари ажәлар рус акыршықәса аӡбара ушаҿу, убри аҟынтә уҿаԥхьа сымшәа-смырҳа сажәа сҳәоит. 11 Сара 12 мшҟа раԥхьа Анцәа симҵахырхәарц азы Иерусалимҟа снеит. Уи ус шакәыз ухаҭа еилукаар улшоит. 12 Аныҳәарҭаҿы аӡәы ажәа имаскуа, асинагогақәа рҿы ма ақалақь аҿы хыла-гәыла ажәлар еиласҵо аӡәгьы симбаӡеит. 13 Уажәы исхарарҵогьы рзышьақәырӷәӷәаӡом. 14 Аха имӡакәа иуасҳәоит, дара асекта ҳәа изышьҭоу ахаҵара инақәыршәаны сабацәа Рынцәа имаҵ шызуа, азакәан иануи аԥааимбарцәа ирҩызи агәра шызго. 15 Саргьы дара реиԥш агәра згоит, Анцәа иԥсхьоу рыԥсы шҭеиҵо, ауаа иашақәагьы, ииашақәамгьы. 16 Убри аҟынтә еснагь исылшо зегь ҟасҵоит, Анцәа иҿаԥхьагьы, ауаа рҿаԥхьагьы сыламыс цқьазарц азы. 17 Акыр шықәса рышьҭахь сара Иерусалимҟа схынҳәит, ацхырааразы еизыргаз сыжәлар ирзаазгарц, насгьы Анцәа акәырбанқәа изназгарц азы. 18 Азакәан ишаҳәоз еиԥш сыҽрыцқьаны, аныҳәарҭаҿы убри аус сшаҿыз ауп сшырбаз. Сара ажәлар сыцӡамызт, хыла-гәыла еиласҵаӡомызт. Аха уа Азиантәи* ауриацәа ыҟан, 19 убарҭ роуп, исхарарҵо ҳәа акыр рымазҭгьы, уара уахь иааны изҳәашаз. 20 Мамзаргьы абра иҟоу ирҳәааит, Асинедрио́н аԥхьа сангылаз, харас исыдны ирбаз, 21 акызаҵәык исҳәаз „иахьа аԥсцәа рыԥсы шҭало агәра ахьызго азы исықәыӡбоит“ ҳәа ауп».

22 Уи Амҩа атәы ибзианы издыруаз Феликс ари аус нышьҭеиҵан, ус иҳәеит: «Шәызҵаара 1 000-ҩык аруаа ирхагылоу Ли́си данааилак исыӡбоит». 23 Нас иара 100-ҩык аруаа ирхагылаз Павел дҭеикырц адҵа ииҭеит, аха иеиҳәеит маҷк ахақәиҭра ииҭарц, иҩызцәа неины ицхрааларц азы.

24 Мышқәак рышьҭахь Феликс иауриаз иԥҳәыс Друзи́лла диманы дааит. Феликс Павел дааргарц ауаа ишьҭит. Иара иҭахын Павел еиҭеиҳәарц ауаҩы Христос Иисус дхеиҵарц азы иҟаиҵаша. 25 Аха Павел аиашареи, аҽынкылареи, аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу аӡбареи ртәы аҳәара даналага, Феликс дшәан, ус иҳәеит: «Уажәазы наҟ уца, нас аамҭа ансоулак, уааргарц азы ауаа насышьҭуеит». 26 Убри аамҭазгьы иара дгәыӷуан Павел аԥара ииҭоит ҳәа, убри азы зныкымкәа дааганы диацәажәон. 27 Ицеит ҩышықәса. Феликс иҭыԥ аҿы По́рци Фест днеит. Аха Феликс ауриацәа ргәы ҟаиҵарц иҭахын азы, Павел доуимышьҭӡеит, дышҭакыз даанижьит.

25 Фест иудеиатәи апровинциахь дааны напхгара аура даналага инаркны хымш ааҵуаны еиԥш, Кеса́риантәи Иерусалимҟа дцеит. 2 Аԥшьаҩ еиҳабацәеи еицырдыруаз ауриацәеи Павел харас идырҵоз иарҳәеит. Дара Фест иҳәеит, 3 рыҳәара дахаҵгыларц — Павел Иерусалимҟа дааигарц. Дара Павел имҩа кны дыршьырц ргәы иҭан. 4 Аха Фест иҳәеит Павел Кеса́риа дышҭакыц дҭакызар ауп ҳәа, насгьы ихаҭа иаарласны уахь дшыхынҳәуа реиҳәеит. 5 «Шәеиҳабацәа шьоукы сыцны иаалааит, — иҳәеит иара, — убра уи ауаҩ ихароу рҳәааит, ихароу ҳәа акрыҟаҵәҟьазар».

6 Фест Иерусалим аамш ракәу, жәамш ракәу дыҟан, нас Кеса́риаҟа дхынҳәит. Адырҩаҽны иара аӡбаҩ иҭыԥ аҿы днатәан, Павел арахь дысзаажәг ҳәа адҵа ҟаиҵеит. 7 Данаарга, Иерусалимынтәи иааз ауриацәа ааикәшан, еиуеиԥшым ацәгьоурақәа ихарарҵо иалагеит, аха излашьақәдырӷәӷәоз рымаӡамызт.

8 Павел ихы ихьчарц азы ус иҳәеит: «Сара ауриацәа рзакәан еилазго, аныҳәарҭа лазырҟәуа, ма ацезарь изакәан еилазго ҳәа акгьы ҟасымҵаӡеит». 9 Фест ауриацәа ргәы ҟаиҵарц иҭахын азы, Павел ус диазҵааит: «Уус рыӡбарц азы Иерусалимҟа уцарц уҭахӡами? Уус анырыӡбо, саргьы уа сҟалоит». 10 Аха Павел иҳәеит: «Сара сус рыӡбараны иахьыҟоу ацезарь иӡбарҭа аԥхьа сгылоуп. Уара ухаҭагьы ибзианы иудыруеит, сара ауриацәа акгьы шырзысымуз. 11 Цәгьарак ҟасҵаҵәҟьазар, уи азы аԥсра сықәнагазар, сара уи сазхиоуп. Аха арҭ ауаа исыдырҵо ахара мцызар, аӡәгьы азин имаӡам урҭ срыҭара. Сус ацезарь иӡбааит!» 12 Усҟан Фест иабжьгаҩцәа даарацәажәан, ус иҳәеит: «Уус ацезарь иӡбарц уҭахызар, ацезарь иахь уцоит».

13 Мышқәак рышьҭахь аҳ Агри́ппеи* Верени́кеи Кеса́риаҟа Фест иахь иааит, имаҵура ҿыц идырныҳәаларц азы. 14 Урҭ уа ԥыҭраамҭак иҟан, убри аҟынтә Фест Павел иус аҳ изеиҭеиҳәеит. Иара Агри́ппа ус иеиҳәеит:

«Ара дыҟоуп Феликс иҭакны иаанижьыз хаҵак. 15 Иерусалим саныҟаз, аԥшьаҩ еиҳабацәеи ауриацәа реиҳабацәеи уи ацәгьоурақәа ҟаиҵеит ҳәа ахара идҵаны, ишьра иаҳәеит. 16 Аха сара урҭ ирасҳәеит, ауаҩы ихы ихьчарц азы ажәа имҭакәа, ахара идызҵои иареи еиҿамыргылакәа, урҭ дрырҭар шыҟамло, уи римаа ишырҵасым. 17 Убри аҟынтә дара арахь ианаа, саргьы иаразнак, адырҩаҽныҵәҟьа, аӡбарҭаҭыԥ аҿы снатәан, уи ауаҩ арахь дааргарц адҵа ҟасҵеит. 18 Сара сгәы иаанагон, ахара идызҵоз ахара злаидуҵаҵәҟьо цәгьарак ҟаиҵеит ҳәа рҳәоит ҳәа, аха ус еиԥш акгьы смаҳаит. 19 Дара рдин* акәын имаркуаз, насгьы Иисус ҳәа иԥсхьоу аӡәы илацәажәон, аха Павел уи иԥсы ҭоуп иҳәон. 20 Сара уи аимак-аиҿак шыӡбатәу сыздырӡомызт азы, Павел Иерусалим иус рыӡбарц азы уахь ацара иҭахӡами ҳәа сиазҵааит. 21 Аха иара аҳәара ҟаиҵеит, аимператор аӡбара идикылаанӡа ара даансыжьырц, убри азы ацезарь иахь дсышьҭаанӡа дҭакны дрымазарц адҵа ҟасҵеит».

22 Агри́ппа Фест ус иеиҳәеит: «Сара уи ауаҩ сизыӡырҩыр сҭахуп». — «Уаҵәыҵәҟьа уизыӡырҩыртә еиԥш иҟасҵоит», — иҳәеит Фест. 23 Адырҩаҽны Агри́ппеи Верени́кеи рҽыҟаҵаны, рыҽхарззаланы иаан, аруаа реиҳабацәеи ақалақь аҿы еицырдыруаз ауааи рыманы аусӡбарҭа ауада иҩналеит. Фест Павел дааргарц адҵа ҟаиҵеит. 24 Фест ус иҳәеит: «Аҳ Агри́ппа, иара убас еизаз зегьы! Ауриацәа Иерусалимгьы абраҟагьы еицҿакны исыҳәон, шәҿаԥхьа игылоу абри ауаҩ иус сыӡбарц. Дара зегьы еибарҳәҳәо ишьра иаҳәон. 25 Аха сара еилыскааит, ашьра иқәуҵартә еиԥш акгьы шыҟаимҵаз. Убри аҟынтә иус аимператор иӡбарц аҳәара аныҟаиҵа, иара иахь дсышьҭырц сыӡбеит. 26 Аха абригь-абригь ауп ҳәа аимператор изысҩыша ҳәа акгьы сымаӡам, убри азоуп дааганы шәҿаԥхьа дызсыргылаз, еиҳарак, уара, аҳ Агри́ппа, уҿаԥхьа, абри аусеилыргара ашьҭахь аимператор изысҩыша соурц азы, 27 избанзар сара иҭаку ихароу амырбакәа, Римҟа ишьҭра иашаӡам ҳәа сыԥхьаӡоит».

26 Агри́ппа Павел иеиҳәеит: «Ахыхьчаразы ажәа умоуп, иҳәала». Усҟан Павел инапы дҩахан, ус иҳәеит:

2 «Аҳ Агри́ппа, сара даара сеигәырӷьоит, ауриацәа исыдырҵо ахара шиашам даҽаӡәы иҿаԥхьа акәымкәа, уара уҿаԥхьа иахьа аҳәара ахьсылшо, схы зласыхьчаша ажәа ахьысҳәо, 3 избанзар уара ибзианы иудыруеит ауриацәа рҵасқәеи ирзеимакыроу азҵаарақәеи. Убри аҟынтә, суҳәоит, ачҳара аарԥшны усзыӡырҩы.

4 Уаанӡа сыздыруаз ауриацәа зегьы ирдыруеит схәыҷаахыс сыжәлар рыбжьареи Иерусалим саныҟази сыԥсҭазаашьеи схымҩаԥгашьеи зеиԥшраз. 5 Ирҭахызар, рхаҭа ирҳәар рылшоит сара сышфарисеиз. Афарисеицәа егьырҭ ауриацәа раасҭа азакәан анагӡара аганахь ала еиҳагьы иџьбарақәоуп. 6 Аха уажәы Анцәа ҳабацәа зықәиргәыӷыз агәра ахьызго азы аӡбарҭаҿы сгылоуп. 7 12 биԥара зыгәра рго ауп саргьы зыгәра зго. Дара уахи-ҽни гәыкала Анцәа имаҵ уа, ргәыӷра анынаӡо ҳәа иԥшуп. Убри агәыӷроуп, саҳ, ухаҵкы, ауриацәагьы сзыхдырҟьо.

8 Избан Анцәа иԥсхьоу рыԥсы изҭаҵом ҳәа шәгәы изаанаго, уи ҟалашьа амам ҳәа зышәыԥхьаӡо? 9 Саргьы исуалуп ҳәа сыԥхьаӡон, назареттәи Иисус сиҿагыларц азы исылшоз зегь аҟаҵара. 10 Убри ауп Иерусалим сызҿыз. Аԥшьаҩ еиҳабацәа рҟынтә азин ансоу, имаҷҩымкәа аҵаҩцәа* абахҭа иҭаскуан, иршьырцгьы ргәы ианҭаз, саргьы сақәшаҳаҭын. 11 Сара урҭ синагогацыԥхьаӡа срышьҭашәарыцон, зныкымкәа иахьсырхәхьан, рхаҵара́ мап ацәыркырц азы. Убриаҟара ргәаӷ сыман, егьырҭ ақалақьқәа рҿгьы срышьҭашәарыцон.

12 Убри аус аҵыхәала аԥшьаҩ еиҳабацәа азин рымхны Дамаскҟа сышцоз, 13 амҩан, аҳ, ухаҵкы, аҽнышьыбжьон исыцызи сареи ажәҩан аҟынтә амра аасҭа илашаз лашарак ааҳақәыҷҷеит. 14 Ҳанкаҳа, ауриа бызшәала ицәажәоз бжьык саҳаит: „Савл, Савл, узсышьҭашәарыцои? Алаба* уаҿагыланы, ухы иазеицәоу ауп иҟауҵо“. 15 Сара сҵааит: „Узусҭада, ухаҵкы?“ Иара иҳәеит: „Сара узышьҭашәарыцо Иисус соуп. 16 Угыл. Сара маҵуҩыс уалысхит азоуп уара уахь сзааз. Уара иубахьоу, насгьы иҵегь иусырбараны иҟоу* шаҳаҭра азуулоит. 17 Сара ужәлари захь усышьҭуа егьырҭ ажәларқәеи рҟынтә усыхьчалоит. 18 Сара урҭ рахь усышьҭуеит, рылақәа аатырц, алашьцара иалҵны алашарахь ихьаҳәырц, Аҩсҭаа имчра аҟынтә Анцәа иахь рхы дырхарц, иара убас сахьхарҵо абзоурала рыгәнаҳақәа ранажьхарц, насгьы Анцәа иԥшьоу ауаа зықәиргәыӷуа аҳамҭа даргьы ироурц“.

19 Аҳ Агри́ппа, сара Иисус ажәҩан аҟынтә дысзааны исеиҳәаз ауп иҟасҵо. 20 Раԥхьа сара ажәабжь рыласҳәон Дамаск инхо, нас Иерусалим, нас Иудеиа инхо зегьы, иара убас егьырҭ амилаҭқәа. Сара зегьы ирасҳәон, рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц, насгьы рыгәнаҳақәа ишрыхьхәыз русқәа рыла иаарԥшны, Анцәа иахь ихьаҳәырц. 21 Убри азоуп ауриацәа аныҳәарҭаҿы сыкны, сыршьырц зырҭаххаз. 22 Аха иахьа уажәраанӡа Анцәа имчала анхацәеи ауаа дуқәеи ажәабжь бзиа рыласҳәоит, исҳәогьы Моисеии аԥааимбарцәеи ирҳәоз ауп: 23 Христос дгәаҟраны дшыҟаз, иԥсхьоу рҟынтә раԥхьа зыԥсы ҭало шиакәхоз, ҳажәлари егьырҭ ажәларқәеи ажәабжь бзиа шрылеиҳәоз, алашарагьы шыдирбоз».

24 Павел дышцәажәоз, Фест ҿааиҭит: «Павел, уара ухы еилагеит! Иумоу аҵара ду зынӡа уеиланагеит!» 25 Аха Павел иҳәеит: «Фест, Уаҳаракыра, сара сеиламгаӡеит, исҳәо дырны сцәажәоит, аиашоуп исҳәо. 26 Аҳ зегь бзианы идыруеит, убри азоуп сымшәаӡакәа зегь аартны изысҳәо. Сара агәра ганы сыҟоуп аҳ акгьы шиаҩымшәаз, избанзар иҟалаз зегьы маӡала акәӡам ишыҟалаз. 27 Аҳ Агри́ппа, аԥааимбарцәа рыгәра угома? Издыруеит рыгәра шуго». 28 Агри́ппа Павел ус иеиҳәеит: «Даҽа хәыҷык ауп иугу, қьырсианс сҟауҵоит уажәыҵәҟьа». 29 Павел иҳәеит: «Иаарласны уара умацара уакәым, иахьа абра исзыӡырҩуа зегьы сара исеиԥшхо Анцәа иҳәааит, амала, исҭахӡам дара сара сеиԥш азынџьырқәа* рхазарц».

30 Усҟан аҳ дгылеит, иара ицгылеит анапхгаҩи Верени́кеи, иара убас уа итәаз зегьы. 31 Иандәылҵуаз, дара абас еибырҳәон: «Ари ауаҩ ашьра иқәуҵартә ма дҭоукыртә еиԥш акгьы ҟаимҵаӡеит». 32 Агри́ппа Фест ус иеиҳәеит: «Иус ацезарь иӡбарц дамыҳәазҭгьы, доуҳашьҭыр ауан».

27 Мшынла Италиаҟа ҳаргарц анырыӡба, Павели егьырҭ абаандаҩцәа шьоуки аимператор ирхәҭаҿы амаҵ зуаз Иули инапы ианырҵеит. Иара 100-ҩык аруаа дырхагылан. 2 Ҳара Адрами́тынтәи ицоз, азиатәи амшынбаӷәазақәа рахь инеиуаз аӷба ҳақәтәан, амҩа ҳақәлеит. Македо́ниатәи Фессало́ника иатәыз Аристархгьы дҳацын. 3 Адырҩаҽны Сидон ҳнеит. Иули Павел ибзианы дизыҟан азы, иҩызцәа рахь дцарц азин ииҭеит, урҭ ицхраарц азы.

4 Уантәи ҳдәықәлан, уиаҟара аԥша ахьамысуаз Кипр аган ала ҳцеит, избанзар ишиашоу иаҳҿасуаз аԥшақәа ҳҽырцәаҳахьчар ҳҭахын. 5 Анаҩс амшын агәы ҳалсын, Килики́еи Памфи́лиеи ҳраҩсны, Ли́киа иҟаз Мира ҳнеит. 6 Уа 100-ҩык аруаа реиҳабы Александри́антәи Италиаҟа ицоз аӷба иԥшаан, ҳақәиртәеит. 7 Акырымш ашьшьыҳәа амҩа ҳақәын, убас цәгьала Кни́дынӡа ҳнеит. Аԥша иахьаҳҭахыз ҳашьҭӡомызт азы, уиаҟара аԥша ахьамысуаз Крит аганахь ала Салмо́на ҳаҩсны ҳцон. 8 Аԥшаҳәа ҳҽадкыланы ҳашцоз, Ласе́иа ааигәара иҟаз Абаӷәаза Бзиа ҳәа изышьҭаз аҭыԥ аҟынӡа цәгьала ҳнеит.

9 Аамҭа рацәаны иҳацәцеит. Амшын ахылара уажәшьҭа ишәарҭан, Агәнаҳақәа рхыхра амш аан иҟаз ачгарагьы* ииасхьан. Убри аҟынтә Павел иҳәеит: 10 «Сара излазбо ала, уажәы амшын ахылара шәарҭоуп, аӷбеи уи иақәу аидареи рзы мацара акәым, ҳара ҳазгьы». 11 Аха 100-ҩык аруаа реиҳабы Павел дизымӡырҩӡакәа, аӷба ныҟәызцози уи зтәызи дырзыӡырҩит. 12 Уи абаӷәаза аӡын азы иманшәаламызт азы, еиҳараҩык ҳамҩа иацаҳҵар еиҳа еиӷьуп рҳәон, иалшозар, аӡынра Фи́ник ирхыргарц азы. Криттәи уи абаӷәаза мрагыларахь иԥшуан.

13 Аладатәи аԥшалас анас, ргәы иҭаркыз рзынагӡоз џьыршьан, аԥырсал шьҭырхын, аԥшаҳәа рҽадкыланы, Крит иаваршәны идәықәлеит. 14 Хара имгакәа, евракило́н* захьӡыз аԥша цәгьа аақәлеит. 15 Аԥша ӷәӷәаны иасуан азы, аӷба аԥша иаҿаланы уаҳа изцаӡомызт, убри аҟынтә ацәқәырԥақәа рлеишәа ҳацныҟәар акәхеит, урҭ иахьырҭахыз ҳаргон. 16 Уиаҟара аԥша ахьамысуаз, Ка́вда захьӡыз адгьылбжьаха хәыҷ аганахь ала ҳанцозгьы, аиқәырхагатә нышь цәгьала еиқәҳархеит. 17 Уи анышь аӷба иақәырҵан, аӷба дырӷәӷәарц азы еиқәҿарҳәеит. Ахацәа аӷба Сирт ианнеилак аԥслымӡ илашьшьы ицар ҳәа ишәан, аԥра ларышьҭын, аԥша рҽаҭаны ацара иалагеит. 18 Аԥша цәгьа аӷба нкыдҟьа-аакыдҟьо иаманы иқәын азы, адырҩаҽны ахацәа аидара ақәхны, амшын иаларыжьуа иалагеит. 19 Адырхаҽны аӷба амаҭәахәқәагьы амшын иаларыжьит.

20 Акырымш инеиԥынкыланы амра ԥхомызт, аеҵәақәагьы убомызт, аԥша цәгьагьы еиқәтәомызт, ҳаиқәхоит ҳәагьы уажәшьҭа ҳгәы иаанагомызт. 21 Ауаа акрырымфеижьҭеи акыр ҵуан азы, Павел дҩагылан, ус иҳәеит: «Шәысзыӡырҩны Крит шәаангылазҭгьы, абарҭқәа зегьы шәрықәшәаӡомызт, ацәыӡгьы шәоуӡомызт. 22 Аха уажәшьҭа, сшәыҳәоит, шәгәы кашәмыжьын, шәымшәан, аӡәгьы акгьы ихьӡом, аӷба заҵәык ауп иԥыххааса ицо. 23 Сызтәу, зымаҵ зуа Анцәа иаха имаалықь дысзааишьҭит. Уи амаалықь даасывагылан, 24 ус иҳәеит: „Умшәан, Павел, уара ацезарь иҿаԥхьа угылароуп, Анцәа уаҳаҭыразы иуцу зегь еиқәирхоит“. 25 Убри аҟынтә шәымшәан, сара Анцәа игәра згоит, издыруеит, амаалықь ишсеиҳәаз еиԥш зегь шыҟало. 26 Аԥша цәгьа ҳаӷба дгьылбжьахак иқәнажьуеит».

27 Ацәқәырԥақәа ҳанкыдҟьа-аакыдҟьо, 14 мшы ҳрыманы иқәын, убас А́дриа* ҳхын. Ҵхыбжьон ахацәа еилыркааит дгьылк ҳшазааигәахоз. 28 Амшын аҵаулара аныршәа, 36 метра рҟынӡа шыҟаз рбеит, ԥыҭрак ашьҭахь еиҭах ианыршәа, 27 метра рҟынӡа иҟан. 29 Аӷба аӡы аҵаҟа иҟоу ацаҟьа иасыр ҳәа ишәан, аӷба аҵыхәа аҟынтә ԥшь-ԥырсалк ларышьҭын, ианбашо ҳәа итәаны аԥшра иалагеит. 30 Урҭ ахацәа аӷба аԥынҵа аҟынтә аԥырсал ларышьҭыр рҭахызшәа ҟаҵаны, ибналарц азы анышь албаагара иалагеит. 31 Усҟан Павел аруаа реиҳаби аруааи ус реиҳәеит: «Арҭ ауаа аӷбаҿы иаанымхар, шәзеиқәхаӡом». 32 Аруаа ашахақәа аахырыҵәҵәан, анышь аӡы иалаҳаит.

33 Ашара иалагаанӡа, Павел зегьы акрырфарц дрыҳәан, ус иҳәеит: «Абар 14 мшы ҵуеит ҿаҵак ымфаӡакәа, шәшәаны шәтәоижьҭеи. 34 Сшәыҳәоит, акрышәфа, уи шәара ишәзеиӷьхоит, шәымшәан, шәыхцәхәыцкгьы кашәараны иҟам». 35 Уи ашьҭахь ача аашьҭихын, зегь рҿаԥхьа Анцәа ҭабуп ҳәа иеиҳәан, иааԥыҽҽны, афара далагеит. 36 Усҟан зегьы ргәы ӷәӷәахан, акрыфара иалагеит. 37 Аӷба иақәтәаз 276-ҩык* ҳаҟан. 38 Зегьы рызхара анырфа, аӷба ласхарц азы иақәыз ачарыц амшын иаларыжьуа иалагеит.

39 Ианша, иԥслымӡраз ҟәарак рбеит, аха изакә дгьылыз рзеилымкааит. Дара уа иӡхыҵырц рыӡбеит. 40 Аԥырсалқәа хырыҵәҵәан, аӡаҿы инрыжьит, нас аӷба ахырхарҭа азҭоз ажәҩақәа дыркәадан, аԥынҵаҿы иамаз аԥра шьҭыхны, аҟәарахьы рҿынархеит. 41 Ишнеиуаз, аӷба аԥынҵа аԥслымӡ илашьшьын, еиҭаҵшьа амамкәа иџыџӡа иаангылеит. Усҟан ацәқәырԥақәа аӷба аҵыхәа иасуа рҿаархан, аӷба аилабгара иалагеит. 42 Ари збаз аруаа абаандаҩцәа бналар ҳәа ишәан, иршьырц рыӡбеит. 43 Аха ар реиҳабы Павел деиқәирхарц иҭахын азы, урҭ рыгәҭакы анагӡара даԥырхагахеит. Иара аӡсашьа здыруаз амшын иалаԥаланы аҟәарахьы иӡсарц реиҳәеит. 44 Егьырҭгьы аӷәқәеи аӷба аԥҽыхақәеи рхы иархәаны, урҭ ирышьҭаларц реиҳәеит. Убас зегьы еибга-еизҩыда аҟәарахьы инеит.

28 Ҳаибга-ҳаизҩыда аҟәара аҟынӡа ҳаннеи, еилаҳкааит уи адгьылбжьаха Мальта шахьӡыз. 2 Уа инхоз ажәлар* асасдкылара ду аадырԥшит. Ақәа леиуан, иагьыхьҭан, убри азы дара амца еиқәырҵан, иҳаԥхьеит. 3 Павел афархь еизганы амца ианақәижьуаз, амаҭ амцашыра иацәшәан, иалҵәраан, Павел инапы иакәшан иакит. 4 Урҭ ауаа Павел инапы ашҳам змаз амаҭ шахшьыз анырба, ус еибырҳәо иалагеит: «Ари ауаҩ дуаҩшьҩуп! Иара амшын дацәцеит, аха иҟаиҵаз ацәгьара уеизгьы ихьӡеит». 5 Аха иара инапы ҟьаны амаҭ амца иалаижьит, уи шицҳазгьы акгьы имыхьӡеит. 6 Дара ргәы иаанагон, Павел инапы чуеит, ма иаалырҟьаны дыҩкаҳаны дыԥсуеит ҳәа, акыраамҭагьы уи иазыԥшын, аха акгьы имыхьӡеит. Уи анырба, ргәаанагара рыԥсахын, дынцәоуп ҳәа аҳәара иалагеит.

7 Уи аҭыԥ азааигәара иҟан Пу́бли идгьылқәа. Иара адгьылбжьаха еиҳабыс даман. Уи аҩныҟа ҳнеиган, пату ҳақәиҵеит, хымшгьы ҳаиҭан. 8 Пу́бли иаб дычмазаҩны дышьҭан. Иара амгәахьаа* даргәаҟуан, амцашоура иман. Павел уи дахьышьҭаз дыҩналан, Анцәа диҳәеит, нас дилакьысын дихәышәтәит. 9 Уи ашьҭахь уи адгьылбжьахаҿы иҟаз ичмазҩыз зегьы Павел иахь иаауа иалагеит, иаргьы урҭ ихәышәтәуан. 10 Убри азы патула иҳазныҟәеит, аҳамҭақәа рацәаны иҳарҭеит. Ҳандәықәлоз, амҩан иаҳҭаххашаз зегь рыла ҳаибырҭеит.

11 Хымз рышьҭахь адгьылбжьахаҿы аӡынра зхызгаз александриатәи аӷба ҳнақәтәан, ҳдәықәлеит. Уи аԥынҵаҿы Зевс иԥацәа рсахьа адҟаҵалан. 12 Сираку́за ҳаннеи, уа хымш ҳаангылеит, 13 нас ҳамҩа иацаҳҵан, Ре́ги ҳнеит. Адырҩаҽны аладатәи аԥша асра иалагеит азы, адырхаҽны Путео́л ҳнеихьан. 14 Уа аишьцәа ҳаԥшааит. Урҭ 7 мшы дара рҿы ҳаангыларц иҳаҳәеит, нас Римҟа ҳҿынаҳхеит. 15 Римтәи ҳашьцәа ҳшааз анраҳа, иаҳԥыларц азы А́ппи иџьармыкьеи Х-сасааирҭаки рҟынӡа иааит. Павел урҭ аниба, Анцәа иҭабуп ҳәа иеиҳәеит, игәгьы ӷәӷәахеит. 16 Рим ҳаннеи, Павел хазы анхара азин ирҭеит, аха аруаҩ инапы данырҵан, дихьчаларц идырҵеит.

17 Хымш рышьҭахь Павел еицырдыруаз ауриацәа ааиԥхьеит. Ианааи, ус реиҳәеит: «Сашьцәа, сара ҳажәлар рыхьӡ лазырҟәуа, ма ҳабацәа рҵасқәа еилазго ҳәа акгьы ҟасымҵаӡеит. Аха Иерусалим сҭаркын, римаа срырҭеит. 18 Дара сҿахәы анысҿырх, соурышьҭырц рҭаххеит, избанзар ашьра сықәуҵартә еиԥш акгьы ҟасымҵаӡеит. 19 Аха ауриацәа ируамызт азы, сус ацезарь иӡбарц аҳәара ҟасҵар акәхеит. Аха уи зыҟасҵаз сыжәлар харак рыдысҵарц азы акәӡам. 20 Убри азоуп шәызбар зысҭахыз, избанзар израильаа ирымоу агәыӷра азоуп абарҭ азынџьырқәа* зысхоу». 21 Дара ус иарҳәеит: «Ҳара ухьӡала Иудеиантәи саламшәҟәыкгьы ҳмоуӡеит, уантәи иааз ҳашьцәагьы уара узы ицәгьоу ҳәа акгьы рымҳәаӡеит. 22 Аха ҳара уара угәаанагара еилаҳкаар ҳҭахуп, избанзар иаҳдыруеит зехьынџьара уи асекта иҟоу зегь шазырҳәо».

23 Нас ианеиқәшәаша мшык алырхит, усҟан Павел иахь еиҳагьы ауаа рацәаҩны иааит. Иара шьыжьы инаркны хәлаанӡа драцәажәон, Анцәа Иаҳра инҭкааны шаҳаҭра азиуан, насгьы Иисус дхарҵарц азы Моисеи изакәани аԥааимбарцәа рышәҟәқәеи рҟынтә ашьақәырӷәӷәарақәа рзааигон. 24 Шьоукы ииҳәаз агәра ргеит, егьырҭ агәра рымгаӡеит. 25 Ианеиқәшаҳаҭымха, идәылҵны ацара иалагеит. Усҟан Павел ус реиҳәеит:

«Иԥшьоу адоуҳа аԥааимбар Иса́иа ила шәабацәа ииашаны иранаҳәон: 26 „Уцаны, абри ажәлар ус раҳәа: ‚Шәара ишәаҳалоит, аха ишәзеилкааӡом, шәахәаԥшлоит, аха ижәбаӡом. 27 Арҭ ауаа ргәы хаҳәхеит. Дара ираҳауеит, аха ираҳауа иқәныҟәаӡом, акгьы рымбаларц азы рылақәа хырҩоит, ирмаҳаларц азы рлымҳақәа рыџьгәоит, убри аҟынтә исҳәо рзеилкааӡом, исхәышәтәырц азгьы сара сахь ихынҳәӡом‘“. 28 Убри аҟынтә ижәдыруаз: Анцәа ауаа шеиқәирхо иазку ажәабжь егьырҭ амилаҭқәа ирылаҳәахоит, дара уи рыдыркылоит». 29 ——*

30 Ҩышықәса дуӡӡа Павел аԥара зхишәаауаз аҩнаҿы дынхон. Инеиуаз зегьы гәыкала идикылон. 31 Иара дымшәаӡакәа ауаа Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь рылеиҳәон, Иҳақәиҭу Иисус Христос изку аҵабырг дирҵон. Уи аҿы иԥырхагаз ҳәагьы аӡәгьы дыҟамызт.

Ауриацәа асабшаҽны рыҩны иацәыхараны иахьынӡацар ҟалоз километрак аҟара акәын.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Шәахәаԥш Ажәар.

Шәахәаԥш Ажәар.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 3-тәи асааҭ».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рықәысҭәоит».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рықәысҭәоит».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Абырзен ажәа ҳа́дес. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».

Абырзен ажәа ҳа́дес. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».

Ма «инҭкааны шаҳаҭра уа».

Ма «ирымаз еицеиҩыршон».

Ма «ҳаҭыр иқәырҵо». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анцәа ицәшәара».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 9-тәи асааҭ».

Уи абарҵа ахыб агәашьақәа аҵагылан.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Христос», иаанагоит «ахәша зыхьшьу».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шәааҳәы».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ма «шәымч ҭеиҵарц».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахацәа».

Ара зыӡбахә цо араввинцәа рышколқәа рҿы аҵара ишалымгаз ауп.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ма «Христоси». Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахәша зхьишьызи».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахәша зхьушьыз».

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Аԥсы».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Уи абарҵа ахыб агәашьақәа аҵагылан.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицқьам адоуҳақәа».

Шәахәаԥш Ажәар.

Мамзаргьы иҟалап «Исаакгьы Иаков иаԥхьатә хисеит, Иаковгьы 12-ҩык иԥацәа раԥхьатә хисеит».

Ма «Анцәа изы дыԥшӡан».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «згәы хсам».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «дыцәеит».

Мамзаргьы иҟалап «самариатәи қалақьк ахь».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицқьам адоуҳақәа».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ефиопиатәи аҳкәажәцәа ус ирышьҭан.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «евнухк». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Аевнух».

Ари ажәеинраала абиблиатә еиҭагақәак рҿы иҟоуп, аха зыгәра угартә иҟоу ажәытә бырзен манускриптқәа рҿы иҟаӡам. Шәахәаԥш Ацҵа А3.

Ма «Иисус ихьӡ зҳәо».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Абырзен хьӡы Доркеи арамеи хьӡы Тавифеи иаанагоит «ашьабысҭа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иԥшьоуи».

Асахҭан аԥстәқәа рцәа иалырхуан.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 9-тәи асааҭ азы».

Асахҭан аԥстәқәа рцәа иалырхуан.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 6-тәи асааҭ азы».

Уи аҭыԥ аҿы аҩнқәа рхыбқәа ҟьаҟьан, уа еиуеиԥшым аусқәа ҟарҵон.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 9-тәи асааҭ азы».

Асахҭан аԥстәқәа рцәа иалырхуан.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ма «ҳаҭыр ду иқәиҵозар». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анцәа ицәшәара».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иԥшьоу адоуҳа шихьишьыз».

Ма «аҵла».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Абырзен ажәа пресби́терос. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ахылаԥшҩы».

Ирод Агри́ппа I. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ирод».

Ма «иус иӡбарц азы ажәлар рҿаԥхьа диргыларц».

Аиха иалху аҿаҳәага.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

6-тәи ажәеинраалаҿы зыӡбахә ҳәоу Бар-Иисус.

Ма «аҵла».

Ма «Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара».

Убасала иаадырԥшуан уаҳа аҭакԥхықәра шрыдмыз.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Абырзен ажәа пресби́терос. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ахылаԥшҩы».

Абырзен ажәа пресби́терос. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ахылаԥшҩы».

Абырзен ажәа пресби́терос. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ахылаԥшҩы».

Абырзен ажәа пресби́терос. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ахылаԥшҩы».

Пиотр.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар.

Ма «иршьыз, аха зшьа рмышьҭыз аԥстәы».

Абырзен ажәа пресби́терос. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ахылаԥшҩы».

Абырзен ажәа пресби́терос. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ахылаԥшҩы».

Ма «иршьыз, аха зшьа рмышьҭыз аԥстәы».

Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «агәабзиара шәымазааит».

Ари ажәеинраала абиблиатә еиҭагақәак рҿы иҟоуп, аха зыгәра угартә иҟоу ажәытә бырзен манускриптқәа рҿы иҟаӡам. Шәахәаԥш Ацҵа А3.

Абырзен ажәа пресби́терос. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ахылаԥшҩы».

Шәахәаԥш Ажәар.

Уи италиатәи адгьыл иаҵанакӡомызт, аха уа инхоз ауаа Италиа инхоз ауаа ирымаз азинқәа рыман.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Уа иара убас ажәлар русқәагьы рыӡбон.

Ма «драцәажәон».

Убасала иаадырԥшуан уаҳа аҭакԥхықәра шрыдмыз.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шәшьа шәара шәхы иадзааит».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ма «имҩа идырҵахьан».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «12-ҩык ахацәа».

Шәахәаԥш Ажәар.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Шәахәаԥш Ажәар.

Уи акрыфара ишалагатәу аанагон.

Абырзен ажәа пресби́терос. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ахылаԥшҩы».

Ма «инҭкааны шаҳаҭра зуан».

Ма «инҭкааны шаҳаҭра азызуларц».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ишьа сара ишсыдым».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Абырзен ажәа пресби́терос. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ахылаԥшҩы».

Ма «иршьыз, аха зшьа рмышьҭыз аԥстәы».

Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар.

Шәахәаԥш Ажәар.

Аиха иалху аҿаҳәага.

Аиха иалху аҿаҳәага.

Ма «инҭкааны шаҳаҭра шысзууаз».

Ма «рхы ршәиит».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра анҭашәалак ашьҭахь 3-тәи асааҭ азы».

Ма «аиуристи».

Ари ажәеинраала абиблиатә еиҭагақәак рҿы иҟоуп, аха зыгәра угартә иҟоу ажәытә бырзен манускриптқәа рҿы иҟаӡам. Шәахәаԥш Ацҵа А3.

Шәахәаԥш Ажәар.

Ирод Агриппа II. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ирод».

Ма «рынцәахәы имҵахырхәара».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иԥшьоу».

Ара зыӡбахә ҳәоу арахә злакарцоз, зԥынҵа ҵару алабоуп.

Ма «сара исызкны иусырбараны иҟоу».

Аиха иалху аҿаҳәага.

Ма «ҭагалантәи ачгарагьы».

Аҩада-мрагыларатәи аԥша.

Адриахь иаҵанакуан Адриатикатәи амшын, Ионикатәи амшын, иара убас Адгьылбжьаратәи амшын ахәҭак (Сицилиеи Крити рыбжьара).

Ма «уаҩԥсы».

Ма «бырзен бызшәала имцәажәоз ажәлар».

Ма «адизентериа».

Аиха иалху аҿаҳәага.

Ари ажәеинраала абиблиатә еиҭагақәак рҿы иҟоуп, аха зыгәра угартә иҟоу ажәытә бырзен манускриптқәа рҿы иҟаӡам. Шәахәаԥш Ацҵа А3.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра