Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • nwt Римаа рахь 1:1—16:27
  • Римаа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Римаа
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Римаа

РИМАА РАХЬ АСАЛАМШӘҞӘЫ

1 Христос Иисус имаҵуҩы Павел иҟынтә асаламшәҟәы. Сара Анцәа иҟынтә ажәабжь бзиа ауаа ирыласҳәаларц азы апостолс салхын. 2 Анцәа уи ажәабжь бзиа аӡбахә аԥааимбарцәа рыла иԥшьоу Аҩыраҿы иҳәеижьҭеи акрааҵуеит. 3 Уи ажәабжь Давид ишьҭра иатәу Анцәа Иԥа изкуп. 4 Анцәа имч, иԥшьоу идоуҳа, ихы иархәаны Иҳақәиҭу Иисус Христос иԥсы ҭеиҵеит. Уи Иԥа шиакәу шьақәнарӷәӷәеит. 5 Иара ила Анцәа ҳара ҳахь ҳзыԥсам ақьиара ааирԥшит. Иисус сара апостолс салихит, ажәларқәа зегь рҟынтә ауаа срыцхрааларц ахаҵареи аҳәатәхаҵареи раарԥшра, ихьӡ арҳаракра. 6 Анцәа шәаргьы Иисус Христос ишьҭа шәхыланы шәцаларц азы ааԥхьара шәиҭеит. 7 Ари асаламшәҟәы ззысыҩуа Рим иҟоу, Анцәа бзиа иибо, насгьы иԥшьоу ракәны иҟазарц азы иалху роуп:

Ҳаб Ҳанцәеи Иҳақәиҭу Иисус Христоси иаадырԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи иҳарҭо аҭынчреи шәыгымзааит.

8 Зегь раԥхьаӡа иргыланы Иисус Христос ила Анцәа шәара зегь шәзы иҭабуп ҳәа иасҳәоит, избанзар адунеи зегь аҿы шәхаҵара аӡбахә рҳәоит. 9 Сара гәык-ԥсыкала Анцәа имаҵ зуеит, Иԥа изку ажәабжь бзиагьы ауаа ирыласырҵәоит. Анцәа идыруеит, сара ахаангьы шәара шәзы иҳәара сшаҟәымҵуа. 10 Анцәа сиҳәоит, иауазар, иара иҭахызар, шәара шәахь анеира сылшарц. 11 Сара даараӡа исҭахуп шәызбар, шәгәы шьҭысхыр, убри алагьы шәхаҵара еиҳагьы исырӷәӷәар. 12 Исҭаху шәхаҵара сырӷәӷәарц мацара акәӡам, шәаргьы схаҵара шәырӷәӷәар сҭахуп, убасала аӡәи-аӡәи ҳагәқәа шьҭибахырц.

13 Сашьцәа, зныкымкәа шәара шәахь анеира иақәыскхьан, аха сзымнеит. Сара избар сҭахын ҳмаҵзура шәара шәҿы алҵшәа бзиақәа шаанагаз, егьырҭ ажәларқәа рҿы ишаанагаз еиԥш. 14 Сара абырзенцәеи, егьырҭ ажәларқәеи, иҟәыӷоуи, аилкаара змами рҿаԥхьа ауал сыдуп. 15 Убри аҟынтә даараӡа исҭахуп шәара, Рим инхогьы, ажәабжь бзиа шәзеиҭасҳәар. 16 Сара ажәабжь бзиа сацәыԥхашьаӡом, избанзар уи ала Анцәа имч ду ааирԥшуеит, ахаҵара аазырԥшуа ауаа зегь еиқәирхоит, зны ауриацәа, нас абырзенцәа. 17 Уи ажәабжь ала Анцәа ахаҵара аазырԥшуа ауаа ииашоу иԥҟарақәа рзааиртит, убри алагьы рхаҵара ирӷәӷәеит, Аҩыраҿы ишану еиԥш: «Анцәа иҿаԥхьа ииашоу ауаҩы ихаҵара абзоурала дынхалоит».

18 Ажәҩан аҟынтә Анцәа ауаа идирбоит иҟарҵо ацәгьарақәа зегьы игәы шԥыржәо, избанзар дара егьырҭ аҵабырг рцәырҵәахуеит. 19 Анцәа изкны еилаҳкаар ҳалшо зегьы дара рзы иаатуп, избанзар Анцәа ирзааиртит. 20 Иаҳбарҭам иҟазшьақәа адунеи аншаз инаркны иубарҭоуп. Анцәа ишамҭақәа анҭаҳҵаауа, дзеиԥшроу еилаҳкаауеит. Урҭ зегьы иаадырԥшуеит иара наӡаӡатәи амч шимоу, Дшынцәоугьы шьақәдырӷәӷәоит. Убри аҟынтә Анцәа дхазымҵо рхы зладыриашо ҳәа акгьы рымаӡам. 21 Дара Анцәа дырдыруеит, аха дҳараркӡом, иҭабуп ҳәагьы иарҳәаӡом, рыхшыҩ хәашьит, рыгәгьы алашьцара ахаԥеит. 22 Ҳҟәышуп ҳәа рҳәоит, аха ибзамыҟәқәоуп. 23 Ԥсра зқәым Анцәа ирҳаракра аҭыԥан, ԥсра зқәу ауаа рсахьақәеи, аҵарақәеи, ԥшь-шьапык зҵоу аԥстәқәеи, иҳәазо аԥстәқәеи рсахьақәа ирымҵахырхәоит.

24 Убри азоуп Анцәа урҭ ргәаҳәара ҟьашьқәа рынагӡара дзырԥырхагам. Урҭ ицәырԥхашьагоу аусқәа рыла рҽырҟьашьуеит. 25 Дара Анцәа изку аҵабырг амц иаҭнырыԥсахлеит. Зегь зшаз Анцәа иоуп азы, иара иоуп наунагӡа арҽхәара иаԥсоу. Амин! Аха дара иара иакәымкәа, ишамҭақәа иреихырхәоит. 26 Убри азоуп Анцәа урҭ заанижьыз, ргәаҳәара ҟьашьқәа рыҽрырҭарцгьы залиршаз. Аҳәса ахацәа ракәымкәа, аҳәса ирыцышьҭалаларц ауп ирҭаху, Анцәа ус ишимшазгьы. 27 Убасеиԥш ахацәагьы, аҳәса ракәымкәа, ахацәа ирыцышьҭалаларц ауп ирҭаху. Ахацәеи ахацәеи еизгәышьуа, ахәымгарақәа ҟарҵо иалагеит. Аха дара рус хәымгақәа рзы ирықәнагаҵәҟьоу иақәшәоит.

28 Дара Анцәа иеилкаара* ихадоу ак акәны ирмыԥхьаӡаӡеит азы, иара рхәыцра ҟьашьқәеи дареи еизынижьит, даргьы аус хәымгақәа ҟарҵо иалагеит. 29 Урҭ иашамралеи, цәгьаралеи иҭәуп, аԥсыцәгьареи ашьыцреи икны иагоит, ауаҩшьра рнапы алакуп, аимак-аиҿаки аицәымӷреи рыбжьоуп, амци уҳәан-сҳәани еибырҳәоит. 30 Ауаа иҟам-ианым рзырҳәоит, Анцәа дырцәымӷуп, рыла ԥхашьарак хым, рхы мыцхәы иҳараркуеит, аҽхәара бзиа ирбоит, ицәгьахәыцыҩцәоуп, рҭаацәа ирзыӡырҩӡом, 31 аилкаара рымаӡам, ражәа нарыгӡаӡом, рыуацәа бзиа ирбаӡом, арыцҳашьара рылаӡам. 32 Дара ибзианы ирдыруеит Анцәа изакәан ишану ус зхы мҩаԥызго ауаа шьтәуп ҳәа, аха рхаҭа ус ахьыҟарҵо азмырхаӡакәа, урҭ аус хәымгақәа ҟазҵо иҟашәҵо бзиоуп ҳәа рарҳәоит.

2 Узусҭазаалакгьы, егьырҭ рықәыӡбара азин умам. Егьырҭ уанрықәыӡбо, ухгьы уақәыӡбоит, избанзар дара иҟарҵо ауп уаргьы иҟауҵо. 2 Ҳара иаҳдыруеит, ус ҟазҵо Анцәа иашарала дышрықәыӡбо.

3 Ауаа урықәыӡбозар, арахь ухаҭа дара реиԥш ухы мҩаԥугозар, Анцәа дуқәыӡбаӡом ҳәа угәы иаанагома? 4 Мамзаргьы Анцәа гәыҭбаарала иааирԥшуа ақьиареи ачҳареи атәоумбоу? Уи зааирԥшуа аҽыриашара дуцхраарц азы шакәу узеилымкааӡои? 5 Аҽыриашареи ахьхәреи угәгьы иахьҭам азы, Анцәа игәыԥжәара анааирԥшуа аӡбара амш аҽны хымԥада уахьирхәуеит. 6 Усҟан иара дасу ишиқәнагоу еиԥш иус иӡбоит. 7 Абзиара аҟаҵара иаҿу наӡаӡатәи аԥсҭазаара риҭоит. Ус ҟазҵо ауаа хьӡи-ԥшеи, аҳаҭыри, ԥсра зқәым аԥсҭазаареи риура иашьҭоуп. 8 Аимак-аиҿак бзиа избо, Анцәа иаҳзааиртуа аҵабырг ала инымхо, игәыԥжәара рхигоит. 9 Ацәгьара ҟазҵо, дауриазаргьы, дбырзензаргьы, арыцҳара дақәшәоит. 10 Абзиара ҟазҵо хьӡи-ԥшеи, аҳаҭыри, аҭынчреи роуеит — раԥхьа ауриацәа, нас абырзенцәа, 11 избанзар Анцәа ауаа еилихӡом.

12 Азакәан ззымдырӡакәа агәнаҳа ҟазҵоз, рус закәанда иӡбахоит, азакәан ззымдыруаз реиԥшгьы иԥсуеит. Аха азакәан дырны агәнаҳа ҟазҵоз, рус азакәан инақәыршәаны иӡбахоит. 13 Анцәа уаа иашақәаны ииԥхьаӡо азакәан иазыӡырҩуа ракәӡам, иназыгӡо роуп. 14 Иауриам ауаҩы азакәан иаҳәо изымдырӡакәа ианынаигӡо, азакәан игәы ишҭоу ааирԥшуеит. 15 Уи азакәан игәы ишҭоу иламысгьы ишьақәнарӷәӷәоит. Иламыс ма иқәыӡбоит, ма игәы арҭынчра иалагоит. 16 Ишәыласырҵәо ажәабжь бзиа излаҳәо ала, уи ҟалоит Анцәа Христос Иисус ила ауаа маӡала изҿу русқәеи рыгәҭакқәеи данрықәыӡбо амш аҽны.

17 Сара сауриоуп, азакәан сымоуп ҳәа уҳәоит, Анцәа ижәлар уахьрыхәҭакугьы уахыҽхәоит. 18 Анцәа ииҭаху удыруеит. Азакәан иану удырҵеит азы, зегь раасҭа ихадоу еилукааит. 19 Илашәу амҩа иқәҵареи алашьцара иҵоу амҩа ирбареи шулшо агәра ганы уҟоуп. 20 Агәра ганы уҟоуп, аилкаара змам ахшыҩ дырҵареи ахәыҷқәа аҵара дырҵареи шулшо, избанзар аилкаареи адырреи умоуп, азакәан иану ихадоу аҵабыргқәа удыруеит. 21 Ауаа аҵара андурҵо, ухаҭа аҵара зумҵои? Шәымӷьычлан ҳәа роуҳәоит, арахь ухаҭа уӷьычуеит. 22 Ауаа шәхатә ҩыза дшәымԥсахын ҳәа роуҳәоит, арахь ухаҭа ухатә ҩыза дуԥсахуеит. Амцнцәахәқәа сцәымӷуп ҳәа уҳәоит, арахь ухаҭа аныҳәарҭақәа урҳәуеит. 23 Анцәа изакәан здыруеит ҳәа уҽхәоит, арахь уи еилоугоит, убри алагьы Анцәа ихьӡ лаурҟәуеит. 24 Аҩыраҿы ишану еиԥш, «шәара шәымшала ажәларқәа Анцәа ихьӡ иакәым ала иахцәажәоит».

25 Аԥхьатәхсара аҵакы анамоу азакәан анынаугӡо ауп, аха азакәан еилоугозар, уи аҵакы ацәыӡуеит. 26 Заԥхьатә хсам азакәан иану наигӡозар, Анцәа уи заԥхьатә хсоу иеиԥш димԥхьаӡаӡои? 27 Уара азакәан шудыруагьы, уаԥхьатә шыхсоугьы, азакәан еилоугоит. Заԥхьатә хсам азакәан наигӡоит, убри алагьы дуқәыӡбоит. 28 Иауриаҵәҟьоу* ауриацәа иреиԥшу иакәӡам. Ииашаҵәҟьоу аԥхьатәхсарагьы ззыҟаҵоу ауаҩы ицәеижь акәӡам. 29 Гәыла-ԥсыла иауриоу иоуп иауриаҵәҟьоу, ихсоугьы — игәоуп. Уи хызсаз Моисеи изакәан акәӡам, иԥшьоу адоуҳа ауп. Ус еиԥш иҟоу ауаҩы дзырҽхәо ауаа ракәӡам, Анцәа иоуп.

3 Ауриацәа егьырҭ излареиӷьузеи? Аԥхьатәхсарагьы хәарҭас иалоузеи? 2 Излареиӷьу рацәоуп. Зегь раԥхьаӡа иргыланы Анцәа иԥшьоу иажәа ззааиртыз ауриацәа роуп. 3 Аха урҭ рахьтә шьоукы ахаҵара аадмырԥшызар, Анцәа игәра агара уаҳа иаԥсаӡам ҳәа ҳазҳәома? 4 Мап, иҳазҳәаӡом! Ауаа зегь мыцҳәаҩцәахаргьы, Анцәа дышиашоу даанхоит. Аҩыраҿгьы уиоуп иану: «Уара иуҳәо иашоуп. Уус анырыӡбогьы, уара уаиааиуеит». 5 Иҟаҳҵо аус цәгьақәа Анцәа дышиашоу еиҳагьы ишьақәдырӷәӷәозар, кыр ҳазҳәома? Игәы анаҳзыԥжәо, ииашамкәа дҳазныҟәоит ҳәа ҳазҳәома? (Шьоук шхәыцуа ауп ишысҳәо.) 6 Иҳазҳәаӡом! Анцәа диашамзар, адунеи дызлақәыӡбои?

7 Шьоукы ус рҳәоит: «Исҳәаз амц Анцәа дышиашоу шьақәнарӷәӷәозар, хьӡи-ԥшеи изаанагозар, Анцәа гәнаҳаҟаҵаҩыс сзиԥхьаӡои?» 8 Ус акәзар, изаҳамҳәарызеи: «Абзиара алҵырц азы ацәгьара ҟаҳҵалап»? Шьоукы убас ҳҳәозшәа ҳзырҳәоит. Ус ҳзызҳәо ауаа ирықәнагаҵәҟьоу иақәшәоит.

9 Ҳара, иауриоу, ҳҭагылазаашьа еиҳа еиӷьума? Ҳәарада, мап! Ишаҳҳәахьоу еиԥш, ауриацәагьы абырзенцәагьы агәнаҳа иаҵоуп. 10 Аҩыраҿы иануп: «Ииашоу ҳәа аӡәымзар-аӡәгьы дыҟам. 11 Аилкаара змоу ҳәагьы аӡәгьы дыҟам. Аӡәымзар-аӡәгьы Анцәа дишьҭам. 12 Зегьы даанрыжьит, акы иаԥсамкәа иҟалеит. Ақьиара аазырԥшуа ҳәа уаҩ дыҟам, аӡәымзар-аӡә дыҟам». 13 «Рҿы иаарту адамра иаҩызоуп. Рыбз амц аҳәоит». «Рҿы иҭыҵуа ажәақәа амаҭ ашҳам иаҩызоуп». 14 «Ашҳам злоу ажәақәеи ашәии роуп рҿы иҭыҵуа». 15 «Ауаҩы ишьра иашьҭоуп». 16 «Цәгьарамзар бзиарак ҟарҵом, ауаа дыргәаҟуеит. 17 Аҭынчрахь уназго амҩа рыздырӡом». 18 «Анцәа иҿаԥхьа шәарак рымам».

19 Ҳара иаҳдыруеит азакәан иану зегьы уи анагӡара зыхәҭоу рзы ишану. Уи зыҟоу ауаа ирҳәаша рмоурц, насгьы адунеи иқәынхо зегьы Анцәа иҿаԥхьа ахара шрыду, ахьырхәрагьы ишаԥсоу убарҭахарц азоуп. 20 Убри аҟынтә ауаҩы азакәан иану аԥҟарақәа наигӡоит ҳәа Анцәа иҿаԥхьа дуаҩ иашаны дзыҟалом, избанзар азакәан еиҳагьы еиӷьны иҳаилнаркаауеит агәнаҳа закәу.

21 Аха уажәшьҭа ҳара еилаҳкааит азакәан наҳмыгӡозаргьы, Анцәа иҿаԥхьа ҳуаа иашақәаны ҳаԥхьаӡахар шалшо, Моисеи изакәани аԥааимбарцәеи ишырҳәоз еиԥш. 22 Иисус Христос иахь ахаҵара аазырԥшуа дызусҭазаалакгьы, Анцәа иҿаԥхьа дуаҩ иашаны дыԥхьаӡахар алшоит, избанзар Анцәа ауаа еилихӡом. 23 Ауаа зегь агәнаҳа иаҵоуп азы, зеиԥшыҟам Анцәа иҟазшьақәа инагӡаны ирзаарԥшӡом. 24 Аха Анцәа урҭ уаа иашақәаны иԥхьаӡоит, избанзар Христос урҭ агәнаҳа аҟынтә иҿихырц азы ахә ишәеит. Анцәа дара рахь изыԥсам ақьиара аарԥшны, убри аҩыза аҳамҭа рзыҟаиҵеит. 25 Анцәа Иисус кәырбанс дааигеит, уи икеиҭәаз ашьа агәра згои Анцәеи еинышәарц азы. Иара уи ҟаиҵеит, ажәытәан ачҳара аарԥшны ауаа иҟарҵоз агәнаҳақәа анранаижьуаз, ииашаны ишыҟаиҵоз ҳирбарц азы, 26 иахьагьы Иисус игәра зго дуаҩ иашаны даниԥхьаӡо, дышиашоу ҳирбарц азы.

27 Аусқәа хадоуп ҳәа зҳәо азакәан ауаҩы дыҽхәо дҟанаҵар алшоит. Нас, ҳазхыҽхәаша ҳәа кыр ҳамоума? Акымзар акгьы ҳамаӡам. Ахаҵара азакәан иаҳнарбеит аӡәымзар-аӡәгьы аҽхәаразы амзыз шимам. 28 Анцәа аӡәы дуаҩ иашаны дзиԥхьаӡо ахаҵара ахьааирԥшуа азоуп, азакәан иаҳәо ахьынаигӡо азы акәӡам. 29 Иара ауриацәа рымацара роума Дзынцәоу? Ажәларқәа зегь Рынцәа иакәӡами? Ааи, ажәларқәа зегь Рынцәа иоуп. 30 Нцәас иҟоу аӡәызаҵәык иоуп, убри аҟынтә иара заԥхьатә хсоугьы-ихсамгьы уаа иашақәаны иԥхьаӡоит, ахаҵара ахьаадырԥшуа азы. 31 Нас, ахаҵара ааҳарԥшуазар, азакәан акгьы иаԥсаӡам ҳәа ҳҳәома? Мап! Уи шхадоу еиҳагьы ишьақәҳарӷәӷәоит.

4 Иаҳҳәар ҳалшозеи Ҳаб Авраам изкны? 2 Авраам дуаҩ иашаны дзыԥхьаӡаз иусқәа рзы акәызҭгьы, ауаа рҿаԥхьа дызхыҽхәаша иоуан, аха Анцәа иҿаԥхьа дызхыҽхәаша иоуамызт. 3 Иаҳәозеи Аҩыра? «Авраам Иегова* игәра игеит азы, иара уи дуаҩ иашаны диԥхьаӡеит». 4 Ауаҩы аус аниуа изыршәо аԥара ҳамҭас акәымкәа, иқәнагоу ак еиԥш иоуеит. 5 Аха ауаҩы иусқәа дрықәымгәыӷкәа Анцәа игәра игозар, Анцәа уи ахаҵара ахьааирԥшуа азы дуаҩ иашаны диԥхьаӡар илшоит, избанзар иара иоуп агәнаҳа иаҵоу уаа иашақәаны изыԥхьаӡо. 6 Анцәа ауаҩы иҟаиҵо аусқәа дырмыхәаԥшӡакәа дуаҩ иашаны диԥхьаӡозар, уи насыԥ имоуп. Давидгьы убри ауп ииҳәаз: 7 «Насыԥ рымоуп зыгхақәа занажьу, зыгәнаҳақәа зхыху ауаа. 8 Насыԥ имоуп Иегова зыгәнаҳақәа гәнимкыло ауаҩы».

9 Заԥхьатә хсоу рымацара роума насыԥ змоу? Заԥхьатә хсам ирымаӡами? Анцәа Авраам ихаҵаразы дуаҩ иашаны диԥхьаӡеит ҳәа акәӡами ишаҳҳәаз? 10 Данбаԥхьаӡаз Авраам дуаҩ иашаны? Иаԥхьатә анхиса акәу, ихисаанӡа акәу? Иаԥхьатә хисаанӡа ауп. 11 Иара иаԥхьатә хисаанӡа ахаҵара ахьааирԥшуаз азы, Анцәа иҿаԥхьа дуаҩ иашаны дшыԥхьаӡаз агәра изыргоз адырга иоуит. Уи — аԥхьатәхсара акәхеит. Убасала иара заԥхьатә хсам, аха ахаҵара аазырԥшуаз зегьы абыс дырзыҟалеит, даргьы Анцәа иҿаԥхьа уаа иашақәаны иԥхьаӡахарц азы. 12 Иара заԥхьатә хсоугьы абыс дырзыҟалеит. Аха заԥхьатә хсоу рымацара ракәӡам, ҳаб Авраам иаԥхьатә хисаанӡа иааирԥшуаз ахаҵара аҩыза аазырԥшуагьы абыс дырзыҟалеит.

13 Анцәа Авраам адунеи уҭынхоит ҳәа ихылҵызи иареи зақәиргәыӷыз, азакәан ахьынаигӡоз азы акәӡам, ахаҵара ахьааирԥшуаз, насгьы дуаҩ иашаны дахьыԥхьаӡаз азы ауп. 14 Анцәа ауаа акы изақәиргәыӷуа азакәан ахьынарыгӡо азы акәызҭгьы, ахаҵара акгьы иаԥсахомызт, Авраам дызқәыргәыӷызгьы акгьы аанагомызт. 15 Азакәан еилазго дахьырхәхоит, аха азакәан ыҟамзар уи злеилаугои?

16 Анцәа Авраам ажәа зииҭаз Авраам ахаҵара ахьааирԥшуаз азоуп, уи ала Анцәа ауаҩы дзыԥсам ақьиара ааирԥшит. Авраам ихылҵыз зегьы уи ажәа роур рылшоит, азакәан назыгӡо рыдагьы, ҳаб Авраам иааирԥшуаз ахаҵара аҩыза ахаҵара аазырԥшуа зегьы. 17 Аҩыраҿгьы иануп: «Сара ажәларқәа абыс урзыҟасҵеит». Авраам иԥсхьоу рыԥсы ҭазҵо, иҟамлац иҟалахьоу ак еиԥш иахцәажәо Анцәа игәра игеит. 18 Авраам ажәлар рацәа абыс дшырзыҟало ақәгәыӷразы амзыз шимамызгьы, уи дақәгәыӷуан, агәрагьы игон, избанзар Анцәа иеиҳәахьан: «Иухылҵуагьы абасҵәҟьа ирацәахоит». 19 Иара ихаҵара ӷәӷәан, аха 100 шықәса раҟара ихыҵуан азы, уажәшьҭа ахшара диоуеит ҳәа дгәыӷуамызт. Иара убас иара идыруан, Саррагьы ахшараиура шлылымшоз, избанзар лықәра цахьан. 20 Аха иара Анцәа дзықәиргәыӷыз шыҟало агәра игон. Ихаҵара амч инаҭеит, убри алагьы Анцәа дҳареикит. 21 Иара агәра ганы дыҟан, Анцәа ишилшо дзықәиргәыӷыз анагӡара. 22 Ихаҵаразы Анцәа уи «дуаҩ иашаны диԥхьаӡеит».

23 Аха Анцәа уи «дуаҩ иашаны диԥхьаӡеит» ҳәа занҵаз иара изы мацара акәӡам, 24 ҳара ҳзгьы ианҵан. Ҳаргьы ҳуаа иашақәаны ҳаԥхьаӡахоит, избанзар Иҳақәиҭу Иисус иԥсы ҭазҵаз игәра ҳгоит. 25 Иисус ҳагәнаҳақәа рзы дыԥсит, насгьы ҳуаа иашақәаны ҳаԥхьаӡахарц азы иԥсы ҭалеит.

5 Уажәшьҭа Анцәа ҳхаҵаразы ҳуаа иашақәаны ҳаниԥхьаӡа, Иҳақәиҭу Иисус Христос иаҳзыҟаиҵаз абзоурала Анцәеи ҳареи иҳабжьоу аҭынчра ҳалагәырӷьалар ҳалшоит. 2 Иисус иахь ахаҵара ахьааҳарԥшыз абзоурала ҳара иҳалшоит Анцәа ҳиҳәалар, насгьы иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара ҳалагәырӷьалар. Ҳара ҳгәырӷьалоит, избанзар Анцәа аҳаҭыр ҳаҭәеишьоит ҳәа ҳгәыӷуеит. 3 Ҳара ҳгәырӷьалоит, ауадаҩрақәа ҳанрықәшәогьы, избанзар ауадаҩрақәа ачҳара аарԥшны зегь ахгара иҳацхраауеит. 4 Ачҳара аарԥшны зегь анаҳхаҳго, Анцәа дҳаргәырӷьоит, Анцәа данҳаргәырӷьо, агәыӷра ҳауеит. 5 Ҳара уи агәыӷра шҳамаҵәҟьоу агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит, избанзар Анцәа иԥшьоу идоуҳала бзиа ҳшибо ааирԥшуеит.

6 Ҳара ҳанԥсыҽыз Анцәа иазалихыз аамҭазы Христос ауаа цәгьақәа рзы дыԥсит. 7 Аӡәы ауаҩ иаша ихы иқәҵара изымгәаӷьыр ҟалап, аха ауаҩ бзиа зхы иқәызҵо дҟаларгьы ауеит. 8 Аха Христос ихы анҳақәиҵаз ҳара агәнаҳа ҳаҵан. Убри алагьы Анцәа бзиа ҳшибо ҳирбеит. 9 Христос ишьа ҳара ҳзы икеиҭәеит, убри аҟынтә Анцәа уажәшьҭа ҳуаа иашақәаны ҳиԥхьаӡоит. Убри азы Анцәа игәыԥжәара анааирԥшуа амш ҳшацәынхо агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит. 10 Ҳара Анцәа ҳиаӷацәан, аха Иԥа ҳара ҳзы данԥсы, Анцәеи ҳареи ҳаинышәеит. Уажәшьҭа, Иисус иԥсы анҭоу, ҳшеиқәхо еиҳагьы агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит, избанзар Анцәа ҳаинышәеит. 11 Иҳақәиҭу Иисус Христос ила Анцәа иаҳзыҟаиҵаз агәырӷьара ду ҳзаанагоит, избанзар уи ала Анцәеи ҳареи ҳаиҩызцәахеит.

12 Аӡәы заҵәык ихҟьаны адунеи агәнаҳа иаҵалеит, агәнаҳа аԥсра ахылҿиааит, убасала ауаа зегьы аԥсра рыхьӡеит, избанзар зегьы агәнаҳа иаҵалеит...* 13 Ауаа азакәан роуаанӡагьы адунеи аҿы агәнаҳа ыҟан. Аха азакәан аныҟам, ауаа агәнаҳазы ахарагьы рыдлом. 14 Ус шакәугьы, Адам инаиркны Моисеи иҟынӡа, Адам иҟаиҵаз агәнаҳа аҩыза ҟазымҵаз рҿгьы аԥсра аҳра ауан. Адам ԥыҭрак ашьҭахь иаараны иҟаз диеиԥшын.

15 Аха Анцәа иҳамҭа Адам игәнаҳа иеиԥшӡам. Аӡәы игәнаҳа иахҟьаны имаҷҩымкәа ауаа ԥсит. Аха аӡәы — Иисус Христос — ҳзыԥсам ақьиара ахьааирԥшыз абзоурала Анцәа ҳара ҳахь ҳзыԥсам ақьиара ааирԥшит, аҳамҭагьы ҳаиҭеит. Уи аҳамҭа Адам игәнаҳа аасҭа акырӡа еиҳауп. Уи ала Анцәа ацхыраара зиҭо рацәаҩуп! 16 Анцәа иҳамҭеи аӡәы иҟаиҵаз агәнаҳаи злеиԥшым даҽакгьы ыҟоуп. Гәнаҳак иахҟьаны зегьы ахара рыдлеит, аха Анцәа иҳамҭа иабзоураны, агәнаҳа шырацәазгьы, ауаа ахара здым ракәны иԥхьаӡахеит. 17 Аӡәы иҟаиҵаз агәнаҳа иахҟьаны аԥсра аҳра аура иалагазар, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит, аӡәы — Иисус Христос — ила Анцәа ҳзыԥсам ақьиара ззааирԥшыз, насгьы уаа иашақәаны иԥхьаӡахарц азы аҳамҭа зиҭаз шынхало, аҳрагьы шыруло!

18 Аӡәы игәнаҳа иахҟьаны ауаа зегьы ахара рыдуп ҳәа иԥхьаӡахазар, уаҩ иашак иҟаиҵаз иабзоураны еиуеиԥшым ауаа* уаа иашақәаны иԥхьаӡахоит, аԥсҭазаарагьы роуеит. 19 Аӡәы Анцәа дахьизымӡырҩыз азы, агәнаҳа иаҵалаз рацәаҩхазар, аӡәы Анцәа дахьизыӡырҩыз азы, уаа иашақәаны иԥхьаӡахо рацәаҩхоит. 20 Анцәа ауаа азакәан зриҭаз шаҟа игәнаҳаз дирбарц азоуп. Аха ауаа агәнаҳақәа рацәаны ианыҟарҵоз, Анцәа еиҳагьы изыԥсам ақьиара ааирԥшуан. 21 Избан? Агәнаҳаи аԥсреи аҳра шыруаз еиԥш, иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиарагьы аҳра ауларц азы, насгьы Анцәа ауаа уаа иашақәаны иԥхьаӡарц азы. Уи зегь зыҟаҵаз ауаа Иҳақәиҭу Иисус Христос ила наӡаӡатәи аԥсҭазаара роурц азоуп.

6 Ус акәзар, Анцәа ҳара ҳахь иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара еиҳахарц азы агәнаҳа ҟаҳҵалароума? 2 Ҳәарада, мап! Ҳара агәнаҳазы ҳаԥсит. Нас, еиҭах уи аҟаҵара ҳазлалагозеи? 3 Ишәзымдырӡои, Христос Иисус ҳаитәызарц азы зыҽӡаазхыз зегьы иԥсрала ҳаҽшӡааҳхыз? 4 Иԥсрала ҳаҽӡааҳхит азы, иара анышә данарҭа, ҳаргьы ҳарҭеит, Ҳаб имч ду ала Христос иԥсы шҭаҵаз еиԥш, ҳаргьы уажәшьҭа аԥсҭазаара ҿыц азы ҳанхаларц. 5 Иара иеиԥш ҳаԥсызар, иара иԥсы шҭалаз еиԥш, ҳаргьы ҳаԥсы ҭалоит. Убасала иареи ҳареи ҳҽеидаҳкылоит. 6 Иара ибзоурала ҳара шьаҭанкыла ҳҽаҳаԥсахит азы, анкьа иҟаз ҳакәӡам, анкьатәи ауаҩы Христос ашьаҟаҿы даныԥсуаз дицыԥсит, игәнаҳау ҳцәеижь уаҳа напхгара ҳнамҭаларц, насгьы агәнаҳа уаҳа амч амамзарц азы. 7 Избанзар иԥсыз ауаҩы игәнаҳақәа ианажьуп.

8 Ҳара Христос ҳицыԥсит азы, иара ҳашицынхало агәра ҳгоит. 9 Ҳара иаҳдыруеит, зыԥсы ҭалаз Христос уаҳа дшымԥсуа, аԥсра иара иҿы имчыдоуп. 10 Иара наӡаӡа агәнаҳа ықәигарц азы дыԥсит. Уажәы дзынхо Анцәа игәҭакы наигӡаларц азоуп. 11 Убасеиԥш шәаргьы агәнаҳазы иԥсыз шьоук реиԥш шәхы шәыԥхьаӡала, иара убас Христос Иисус иҵаҩцәа реиԥш Анцәа игәҭакы анагӡаразы шәынхала.

12 Агәнаҳа иаҭаху шәнарҟаҵаларц алшәмыршан, ԥсра зқәу шәцәеижьгьы иаҭаху ҟашәымҵалан. 13 Шәцәеижь агәнаҳаҟаҵаразы агәнаҳа иашәымҭан. Уи аҭыԥан, иԥсны зыԥсы ҭалаз реиԥш, шәхы Анцәа ишәҭ, шәцәеижьгьы абзиара аҟаҵаразы Анцәа ишәҭ. 14 Уажәшьҭа шәара Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара шәалагәырӷьалар шәылшоит, Моисеи изакәан анагӡарагьы шәыдӡам. Убри аҟынтә агәнаҳа иаҭаху шәнамырҟаҵалароуп.

15 Анцәа ҳзыԥсам ақьиара ааирԥшуазар, Моисеи изакәангьы анагӡара ҳадымзар, агәнаҳа аҟаҵара ҳалагома? Ҳәарада, мап! 16 Маҵуҩыс шәхы зышәҭо шәшитәхо шәзымдырӡои? Агәнаҳа амаҵ азыжәуазар, шәыԥсуеит, аха Анцәа имаҵ жәуазар, шәагьизыӡырҩуазар, шәуаа иашақәаны шәыԥхьаӡахоит. 17 Анцәа шәара шәзы иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит, избанзар уаанӡа агәнаҳа амаҵ шазыжәуазгьы, уажәшьҭа гәыкала Анцәа шәизыӡырҩуеит, ишәирҵогьы шәықәныҟәоит. 18 Ааи, агәнаҳа аҟынтә шәхы шәақәиҭхеит азы, уажәшьҭа шәара Анцәа имаҵуцәа шәоуп, аус бзиақәагьы ҟашәҵоит. 19 Шәара шәыԥсыҽуп, агәнаҳагьы шәаҵоуп. Убри азоуп еилышәкаауа аҿырԥштәқәа рыла сызшәацәажәо. Шәара иҽеим шәгәаҳәарақәа шәзынкыломызт азы, аус ҟьашьқәеи аус цәгьақәеи шәыҽрышәҭон. Уажәшьҭа Анцәа игәы иақәшәо иԥшьоу аусқәа рыҟаҵара шәгәазҭазҵо агәаҳәарақәа еизшәырҳала. 20 Агәнаҳа шәанаҵаз, Анцәа игәы иахәо аусқәа ҟашәҵаӡомызт.

21 Лҵшәас иаанагазеи ус шәхы ахьымҩаԥыжәгоз? Аԥсрахьы уназго, уажәы шәызцәыԥхашьо аус цәгьақәа ҟашәҵон. 22 Аха уажәшьҭа агәнаҳа аҟынтә ахақәиҭра аншәоу, Анцәа имаҵуцәа реиԥш, наӡаӡатәи аԥсҭазаара узҭо иԥшьоу аусқәа ҟашәҵала. 23 Агәнаҳа иашәо ахә — аԥсроуп, Анцәа Иҳақәиҭу Христос Иисус ила ҳамҭас иҳаиҭо наӡаӡатәи аԥсҭазаара ауп.

7 Сашьцәа, азакәан здыруа шәоуп уажәшьҭа изасҳәо. Ишәзымдырӡои азакәан ауаҩ иҿы амч ахьынӡамоу иԥсы ахьынӡаҭоу шакәу? 2 Иаҳҳәап, азакәан излаҳәо ала, аԥҳәыс лхаҵа иԥсы ҭанаҵы иԥҳәыс лоуп. Аха лхаҵа дыԥсыр, изакәан амч ацәыӡуеит. 3 Убри аҟынтә лхаҵа иԥсы шҭоу даҽаӡәы диццар, лхаҵа длыԥсахуеит. Аха лхаҵа дыԥсыр, изакәан амч ацәыӡуеит, убри аҟынтә даҽаӡәы диццаргьы, зхаҵа дзыԥсахыз леиԥш ахара лыдлаӡом.

4 Убасеиԥш шәара шәызгьы, сашьцәа, Моисеи изакәан уаҳа амч амаӡам. Избанзар Христос иԥсы шәыхҭниҵеит, уажәшьҭа даҽаӡәы — зыԥсы ҭалаз — шәитәызарц азы. Убри аҟынтә уажәшьҭа Анцәа имаҵ ҳаулар ҳалшоит. 5 Игәнаҳау ҳцәеижь ишҳаҵанаҳәо еиԥш ҳанынхоз, азакәан иаҳнарбон иҳазцәырҵуаз агәаҳәарақәа шҽеимыз, аԥсрахьгьы ҳашнаргоз. 6 Уажәшьҭа ҳара азакәан аҟынтә ахақәиҭра ҳауит, ҳҿаҳәаны ҳазмаз азгьы ҳаԥсит. Уажәшьҭа ҳара ажәытәан еиԥш акәымкәа, даҽакала Анцәа имаҵ ҳуеит, азакәан ишаныз еиԥш акәымкәа, иԥшьоу адоуҳа ишҳаҵанаҳәо еиԥш.

7 Нас, азакәан иашаӡами? Ииашоуп! Азакәан ыҟамызҭгьы, агәнаҳа захьӡу ахаангьы исыздыруамызт. Иаҳҳәап, азакәан «аӡәы иитәу уамеилаҳан» ҳәа амҳәозҭгьы, аӡәы иитәу аилаҳара шыҟамло сыздырӡомызт. 8 Агәнаҳа уи аԥҟара ахы иархәаны, иҽеим агәаҳәарақәа сызцәырнагеит. Аха азакәан ыҟамызҭгьы, агәнаҳагьы ҟаломызт. 9 Азакәан аныҟамыз, сара сыԥсы ҭан. Аха азакәан аныҟала, агәнаҳа аԥсы ҭалеит, сара сыԥсит. 10 Сара избеит, аԥсҭазаарахь снанагоит ҳәа сзықәгәыӷуаз азакәан аԥсрахьы сышнанагаз. 11 Агәнаҳа уи азакәан ахы иархәаны сыхнахит, сашьит. 12 Ус шакәугьы, азакәангьы ԥшьоуп, аԥҟарақәагьы ԥшьоуп, ииашоуп, ибзиоуп.

13 Сызшьыз ибзиоу акоуп ҳәа узҳәома? Ҳәарада, мап! Избанзар сызшьыз агәнаҳа ауп. Азакәан бзиоуп. Уи еилыкка иаҳнарбеит сызшьыз агәнаҳа шакәу. Убасала, азакәан иаҳнарбеит агәнаҳа шаҟа иҿаасҭоу. 14 Азакәан ҳазҭаз Анцәа иоуп, аха сара агәнаҳа иаҵоу уаҩуп. 15 Иҟасҵо сзеилкаауам. Исҭаху акәымкәа, исцәымӷу ауп иҟасҵо. 16 Сара издыруеит азакәан шиашоу, уи сагьақәшаҳаҭуп, аха уеизгьы исҭахым ауп иҟасҵо. 17 Ус анакәха, уи ҟазҵо сара сакәӡам, аха исылоу агәнаҳа ауп. 18 Издыруеит агәнаҳа иаҵоу сцәеижь бзиарак шалам, избанзар абзиара аҟаҵара сҭахуп, аха исылшом, исзыҟаҵом. 19 Иҟасҵарц исҭаху абзиара ҟасҵаӡом, исҭахым ацәгьара ҟасҵоит. 20 Исҭахым ҟасҵозар, уи ҟазҵо сара сакәӡам, исылоу агәнаҳа ауп.

21 Сара сҿы абри аҩыза азакәан аус ауеит: абзиара аҟаҵара анысҭаху, ацәгьарахь схы хоит. 22 Гәыла-ԥсыла Анцәа изакәан бзиа избоит, 23 аха сцәа иалоу даҽа закәанк схы иҭоу азакәан ишаҿагыло збоит. Уи сҿаҳәаны сызмоу, исылоу агәнаҳа ауп. 24 Агәаҟ сара! Аԥсрахьы сназго сцәеижь аҟынтә сеиқәзырхода? 25 Анцәа иҭабуп ҳәа иасҳәоит, избанзар иара Иҳақәиҭу Иисус Христос ила сеиқәирхоит. Схәыцрақәа Анцәа изакәан иақәшәоит, аха сцәеижь агәнаҳа иаҵоуп.

8 Христос Иисус иитәқәоу Анцәа ахара рыдиҵаӡом. 2 Аԥсҭазаара узҭо иԥшьоу адоуҳа азакәан, шәара, Христос ишьҭа ихыланы ицо ауаа, агәнаҳаи аԥсреи рзакәан аҟынтә ахақәиҭра шәнаҭеит. 3 Моисеи изакәан ахақәиҭра шәыҭара алшомызт, избанзар ауаа ԥсыҽуп, агәнаҳа иаҵоуп. Аха Анцәа агәнаҳа аҟынтә ахақәиҭра шәиҭарц азы, Иԥа агәнаҳа иаҵоу ауаа дреиԥшны дааишьҭит. Убасала ауаҩы илоу агәнаҳа дақәыӡбеит. 4 Анцәа уи ҟаиҵеит, агәнаҳа иаҵоу ҳцәеижь ишҳаҵанаҳәо еиԥш акәымкәа, Анцәа идоуҳа ишҳаҵанаҳәо еиԥш азакәан иану ииашоу аԥҟарақәа наҳагӡаларц азы. 5 Ацәеижь иазыӡырҩуа рцәеижь ирыҵанаҳәо иазхәыцуеит. Аха Анцәа идоуҳа иазыӡырҩуа адоуҳа ирыҵанаҳәо ауп изызхәыцуа. 6 Аус гәнаҳақәа ирызхәыцуа аԥсра рзыԥшуп. Анцәа идоуҳа иаҳәо иазхәыцуа аԥсҭазаареи аҭынчреи рзыԥшуп. 7 Агәнаҳа иаҵоу ҳцәеижь иҳаҵанаҳәо ахәыцрақәа ҳхы раҳҭозар, Анцәа ҳиаӷахоит, избанзар агәнаҳа иаҵоу ацәеижь Анцәа изакәан иазыӡырҩӡом, иаҭаххаргьы иалшаӡом. 8 Зцәеижь агәаҳәарақәа назыгӡо Анцәа игәы рзыҟаҵом.

9 Аха шәара Анцәа идоуҳа шәымаҵәҟьазар, шәцәеижь ишшәыҵанаҳәо еиԥш акәымкәа, Анцәа идоуҳа ишшәыҵанаҳәо еиԥш шәынхалоит. Аӡәы Христос ихәыцшьа имамзар, уи Христос дитәым. 10 Христос шәитәызар, агәнаҳа иахҟьаны шәцәеижь шыԥсугьы, Анцәа идоуҳа аԥсҭазаара шәнаҭоит, избанзар Анцәа шәуаа иашақәаны шәиԥхьаӡоит. 11 Анцәа иԥшьоу идоуҳала Иисус иԥсы ҭеиҵеит. Уи адоуҳа шәымазар, Христос Иисус иԥсы ҭазҵаз иԥшьоу идоуҳала ԥсра зқәу шәцәеижьгьы аԥсы ҭеиҵоит.

12 Ус анакәха, сашьцәа, ҳара агәнаҳа иаҵоу ҳцәеижь иҳаҵанаҳәо ҟаҳамҵалароуп. 13 Шәцәеижь ишәыҵанаҳәо ҟашәҵозар, шәыԥсуеит. Аха иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала аус гәнаҳақәа шәшьуазар, шәынхалоит. 14 Анцәа идоуҳа анапхгара иқәныҟәо зегьы Анцәа иԥацәа роуп. 15 Ишәоуз Анцәа идоуҳа ахәура иҭоу реиԥш шәшәо шәҟанаҵаӡом. Уи Анцәа иԥацәа реиԥш шәышидикылаз агәра шәнаргоит. Убри адоуҳалагьы ҳара Анцәа иахь ҳхы рханы иаҳҳәоит: «А́бба*, Ҳаб!» 16 Анцәа идоуҳа ҳара Анцәа ихәыҷқәа шҳакәу агәра ҳнаргоит. 17 Анцәа ихәыҷқәа ҳакәзар, иҳаиҭарц ииҭаху ҳауеит. Иара Христос ииҭо ҳаргьы иҳаиҭоит. Амала, аԥхьа Христос ихигаз агәаҟрақәа ҳхаҳгароуп, усҟан иара иоуз ахьӡ-аԥша аҩыза ҳаргьы иҳауеит.

18 Ҳаԥхьаҟа иҳауа ахьӡ-аԥша иахьа иаҳхаҳго агәаҟрақәа исзырҿырԥшуам. 19 Анцәа ишамҭақәа зегьы ргәы хыҭхыҭуа иазыԥшуп Анцәа иԥацәа рыхьӡ-рыԥша анубарҭахо аамҭа. 20 Анцәа ишамҭақәа гәыӷрада инхалар рҭахымызт. Аха Анцәа ус ҟалартә алиршеит, убри аамҭазгьы гәыӷрада инимыжьӡеит. 21 Иара идыруан, ишамҭақәагьы агәнаҳаи аԥсреи рытәра аҟынтә рхы ишақәиҭхоз, уи инеиҳангьы, Анцәа ихәыҷқәа ирымоу зеиԥшыҟам ахақәиҭра шроуаз. 22 Ҳара иаҳдыруеит иахьа уажәраанӡа Анцәа ишамҭақәа зегьы шгәынқьуа, ишгәаҟуа. 23 Уажәшьҭа ҳара Анцәа иҳаиҭараны иҟоу шҳауҵәҟьо агәра ҳзырго иԥшьоу адоуҳа ҳауит. Ҳара ҳхаҭақәагьы Анцәа иԥацәа реиԥш ҳанидикыло аамҭа ҳазыԥшнаҵы ҳгәынқьуеит. Усҟан Христос ҳахьҿихыз абзоурала ҳцәеижь аҟынтә ахақәиҭра ҳауеит. 24 Анцәа агәнаҳа аҟынтә ҳанеиқәирха, уи агәыӷра ҳауит. Аха инаӡахьоу агәыӷра уажәшьҭа игәыӷраӡам. Ауаҩы дзықәгәыӷуаз иоузар, уажәшьҭа агәыӷра заҭахузеи? 25 Аха ҳзықәгәыӷуа ҳмоуцзар, ачҳара аарԥшны уи ҳазыԥшызаауеит.

26 Иԥшьоу адоуҳа ҳацхраауеит ҳанԥсыҽу, насгьы Анцәа ҳзызиҳәаша анаҳзымдыруа. Ажәақәа анаҳзымԥшаауагьы, ҳгәы ҳанҭаҵәыуогьы, иԥшьоу адоуҳа ҳара ҳзы Анцәа иҳәоит. 27 Анцәа ҳгәы иҭоу ибоит, насгьы иԥшьоу адоуҳа иаҳәо идыруеит, избанзар уи Анцәа игәҭакы инақәыршәаны иԥшьоу рзы и́ҳәоит.

28 Ҳара иаҳдыруеит, Анцәа бзиа дызбо, насгьы игәҭакы инақәыршәаны иааиԥхьаз ирзеиӷьу аусқәа шыҟаиҵо. 29 Иара урҭ аханатә иалиххьан, заагьы иӡбахьан дара Иԥа иеиԥшны ишыҟало. Убасала Анцәа Иԥа иашьцәа рҟынтә раԥхьа ииз иакәхеит. 30 Анцәа иалихыз ааиԥхьеит, иааиԥхьаз уаа иашақәаны иԥхьаӡеит, уаа иашақәаны ииԥхьаӡаз ахьӡ-аԥша риҭеит.

31 Иахаҳҳәаарызеи ари? Анцәа ҳара дҳадгылазар, иаҳҿагылараны иҟада? 32 Иара Иԥа димеигӡакәа ҳара ҳзы дыԥсырц дааишьҭзар, иаҭаху зегь ҳаимҭаӡои? 33 Анцәа иалихыз, уаа иашақәаны ииԥхьаӡаз ахара рыдҵара ӡәыр илшома? 34 Ӡәыр илшома урҭ рықәыӡбара? Илшаӡом. Христос Иисус урҭ рзы дыԥсит, иԥсгьы ҭалеит. Уажәы иара Анцәа иарӷьараҿ дтәоуп, ҳара ҳзгьы дӷьаҵәыӷьаҵәуа диҳәоит.

35 Христос бзиа ҳбара даҟәызхыр алшо акрыҟоума? Дааныркылома ҳзықәшәо ауадаҩрақәа, ма агәаҟрақәа, ма ашьҭашәарыцарақәа? Бзиа ҳбара даҟәыҵуама амла ҳакуазар, иаҳшәаҳҵо ҳамамзар, ашәарҭара ҳҭагылазар, ма шәаҳшьуеит ҳәа иаҳҿагылазар? 36 Аҩыраҿы иануп: «Уара узы ҳара есыҽны аԥсра алакҭа ҳҭаԥшуеит. Ауаа шьтәас ирымоу ауасақәа реиԥш иҳахәаԥшуеит». 37 Аха бзиа ҳазбаз имчала ҳара уи зегь ҳаиааиуеит. 38 Сара агәра ганы сыҟоуп Анцәа бзиа ҳбара даҟәызхыр алшо акгьы шыҟам: аԥсрагьы, аԥсҭазаарагьы, амаалықьцәагьы, аҳәынҭқаррақәагьы, уажәы иҟоу ма ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу ахҭысқәагьы, амчқәагьы, 39 аҩаӡарагьы, аҵауларагьы, изакәызаалак акгьы. Анцәа Иҳақәиҭу Иисус Христос ила ҳара ҳахь иааирԥшуа абзиабара иаԥырхагахо ҳәа акымзарак ыҟам.

9 Сара, Христос иҵаҩы, аиаша сҳәоит, амц сҳәаӡом. Иԥшьоу адоуҳа напхгара знаҭо сыламыс ишьақәнарӷәӷәоит 2 сгәы еихсыӷьшьа змам хьаалеи гәырҩалеи ишҭәу. 3 Сашьцәа аиудеиаа Христос ишьҭа ихыланы иахьымцо азы сара сахьырхәызар еиӷьасшьон, уи акыр ирыхәозҭгьы. 4 Израильаа роуп зыӡбахә сҳәо. Анцәа урҭ иԥацәа реиԥш идикылеит, имоу ахьӡ-аԥша дирбеит, иареи дареи рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәагьы бжьеиҵеит, азакәан риҭеит, имаҵ руларц азгьы аҳаҭыр раҭәеишьеит, дшырзылԥхо алагьы ажәа риҭеит. 5 Дара ҳабацәа ирхылҵит, Христосгьы урҭ рышьҭра датәуп. Зегь ирхагылоу Анцәа наӡаӡа арҽхәара даԥсоуп. Амин.

6 Анцәа иажәа наимыгӡеит ҳәа ҳазҳәом, избанзар Израиль иатәу зегьы Израиль ракәҵәҟьам. 7 Дара Авраам ишьҭра ишатәугьы, зегьы Авраам ихәыҷқәа ракәҵәҟьаӡам, избанзар Анцәа Авраам иеиҳәахьан: «Ушьҭра иатәхо Исаак ихылҵуеит». 8 Авраам ихәыҷқәа зегьы Анцәа ихәыҷқәа роума? Мап. Анцәа ихәыҷқәаны иԥхьаӡоу иара Авраам ииҭахьаз ажәа инақәыршәаны иалихуа роуп. 9 Анцәа Авраам абри аҩыза ажәа ииҭахьан: «Ҽааны, абри аамҭазы, уара уахь саауеит, Саррагьы аԥа длоуеит». 10 Анцәа егьырҭгьы ажәа риҭеит, Реве́кка ҳаб Исаак иҟынтә еицираны иҟаз ҩыџьа аԥацәа лцәа ианалашәа. 11 Дара иины адәы иқәлаанӡа, цәгьарак ма бзиарак ҟарҵаанӡа, Анцәа рыуа иалихуа дызусҭахо иҳәахьан, избанзар Анцәа ауаҩы иусқәа дырмыхәаԥшӡакәа, ииҭаху далихуеит. 12 Иара Реве́кка илеиҳәеит: «Аиҵбы имаҵ аиҳабы иулоит». 13 Аҩыраҿгьы иану уи ауп: «Сара Иаков бзиа дызбеит, Иса́в дысцәымӷхеит».

14 Нас, Анцәа диашаӡам ҳәа ҳазҳәома? Ҳәарада, иҳазҳәаӡом! 15 Анцәа Моисеи иеиҳәеит: «Бзиа избарц исҭаху бзиа дызбоит, ирыцҳасшьарц исҭахугьы дрыцҳасшьоит». 16 Ус анакәха, Анцәа иалихуа уи зҭаху, уи азгьы аџьабаа збо ракәӡам, аха ирыцҳаишьо роуп. 17 Аҩыраҿы иануп Анцәа афараон абас шиеиҳәаз: «Сара иахьа уажәраанӡа уԥсы ҭаны узаансыжьыз, схы уархәаны сымч ду аасырԥшырц, насгьы сыхьӡ адунеи зегь иахыҵәарц азоуп». 18 Ус анакәха, Анцәа ирыцҳаишьарц ииҭаху дрыцҳаишьоит, зҳәатәы иазыргарц иашьҭоу дааникылаӡом.

19 Аха шьоукы ус исазҵаар ҟалоит: «Иара игәҭакы аӡәгьы дзаҿамгылозар, нас, ҳагхақәа дызрышьҭои?» 20 Узусҭада уара, ауаҩы, Анцәа ус уиацәажәартә еиԥш? Иалшома маҭәарк иара ҟазҵаз ус ианаҳәар: «Абас сзыҟауҵеи?» 21 Аԥҳалҟаҵаҩ анышәаԥшь ииҭаху алхра азин имаӡами? Илымшаӡои иара ԥҳалк аныҳәақәа рзы* иҟаиҵар, егьи — есыҽны рхы иадырхәаларц азы* иҟаиҵар? 22 Анцәагьы убас ауп. Иара игәыԥжәареи имч дуи ааирԥшырц шиҭахызгьы, игәы ԥызжәоз, иқәгатәу аԥҳалқәа иреиԥшыз ауаа рахь ачҳара ааирԥшуан. 23 Иара уи ҟаиҵеит, ирыцҳаишьо, аныҳәақәа раан рхы иадырхәо аԥҳалқәа иреиԥшу ауаа имоу ахьӡ-аԥша дирбарц азы. 24 Иара ааԥхьара зиҭаз иауриоу рымацара ракәӡам, егьырҭ ажәларқәагьы ааԥхьара риҭеит. Ҳаргьы ааԥхьара зауз ҳреиуоуп. 25 Убасала иара О́сиа ишәҟәаҿы ииҳәаз абарҭ ажәақәа наӡеит: «Сара истәым ажәлар сыжәлар роуп ҳәа рзысҳәоит. Бзиа исымбоз бзиа избо ҳәа лзысҳәоит. 26 „Сыжәлар шәакәӡам“ ҳәа ахьысҳәаз аҭыԥ аҿы „сара зыԥсы ҭоу Анцәа соуп, шәара схәыҷқәа шәоуп“ ҳәа сҳәоит».

27 Иса́иа израильаа ирызкны иҳәеит: «Израильаа рхыԥхьаӡара амшын аҟәара иқәыԥсоу аԥслымӡ еиԥш ирацәахаргьы, еиқәхо маҷхоит, 28 избанзар Иегова* адгьыл иқәынхо ауаа зегь дрықәыӡбоит, русгьы иаразнак иӡбоит». 29 Иара убас Иса́иа иҳәахьан: «Ар реиҳабы Иегова иаҳхылҵыз нимыжьызҭгьы, Содом ҳаиԥшхон, Гоморрагьы ҳаҩызахон».

30 Нас, иаҳҳәар ҳалшозеи? Егьырҭ ажәларқәа уаа иашақәаны иҟаларц ишашьҭамызгьы, рхаҵара абзоурала Анцәа урҭ уаа иашақәаны иԥхьаӡеит. 31 Израильаа ракәзар, Анцәа иҿаԥхьа иуаа иашақәаны иҟазҵоз азакәан ақәныҟәара ишашьҭазгьы, уи рзынамыгӡеит. 32 Избан? Избанзар рхаҵара абзоурала акәымкәа, русқәа рыбзоурала уаа иашақәаны иҟалар рҭахын. Дара «ахаҳә» иахҟьашеит, 33 Аҩыраҿы ишану еиԥш: «Сара Сион аҿы ауаа зыхҟьашо ахаҳә шьҭасҵоит, ршьапы иқәзырҟьо ацаҟьа. Уи агәра зго ахаангьы дыԥхашьараны дыҟаӡам».

10 Сашьцәа, сара гәыкала исҭахуп израильаа еиқәхарц, уи азгьы сӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа сиҳәоит. 2 Сара издыруеит дара иҳаҵҳаҵо Анцәа имаҵ шыруа, аха ииашоу, иҵаулоу адыррақәа рымаӡам. 3 Анцәа ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо рыздырӡом азы, рхатә закәанқәа рыла инхоит, убасала Анцәа изакәанқәа нарыгӡаӡом. 4 Христос азакәан аԥихит, уажәшьҭа Анцәа уаа иашақәаны ииԥхьаӡо Христос иахь ахаҵара аазырԥшуа роуп.

5 Моисеи иҳәеит ауаҩы аԥсҭазаара иоурц азы азакәан иану наигӡалароуп ҳәа. 6 Аха Анцәа Иажәаҿы иара убас иануп, ахаҵара аазырԥшуа шиакәу Анцәа уаҩ иашаны ииԥхьаӡо. Уа иануп: «Гәаныла ус умҳәан: „Ажәҩан ахь ихалода?“ (Христос дылбааигарц азы) 7 ма „Атымитышахь илбаауада?“ (Христос иԥсы ҭеиҵарц азы)». 8 Иаҳәозеи, нас, Анцәа Иажәа? «Уи ажәа шәааигәара иҟоуп, уи шәыбз иқәуп, шәыгәгьы иҭоуп». Уи шәхаҵара абзоурала ишәыдышәкылаз, ишәылаҳҳәо ажәа ауп. 9 Убри аҟынтә Иисус Иҳақәиҭу шиакәу ауаа ирылоуҳәозар, ухаҭагьы Анцәа уи иԥсы шҭеиҵаз агәра угозар, уеиқәхоит. 10 Згәаҿы ахаҵара змоу дуаҩ иашаны дыԥхьаӡахоит, аха уи ажәа ауаа ирылазҳәо иоуп еиқәхо.

11 Аҩыраҿы иануп: «Уи игәра зго ахаангьы дыԥхашьараны дыҟаӡам». 12 Ауриацәеи абырзенцәеи злеиԥшым ҳәа акгьы ыҟаӡам. Урҭ зегь ирықәиҭу аӡә иоуп. Иара игәра зго зегьы агәыҭбаара аарԥшны дрыцхраауеит. 13 Избанзар «Иегова* ихьӡ ҳәаны ацхырааразы иҳәо деиқәхоит». 14 Аха ихьӡ ҳәаны ацхырааразы излаиҳәарызеи, дхарымҵозар? Дызлахарҵои, иӡбахә рмаҳацзар? Иӡбахә злараҳауеи, аӡәгьы ирзеиҭеимҳәозар? 15 Аха излеиҭарҳәои, ажәабжьҳәара ишьҭымзар? Аҩыраҿы иаными: «Шаҟа ибзиоузеи ажәабжь бзиа зҳәо ршьапқәа!»

16 Аха ажәабжь бзиа здызкылаз рацәаҩым. Иса́иа иҳәоит: «Иегова, иаҳҳәаз агәра згада?» 17 Убри аҟынтә ахаҵара уоурц азы раԥхьа иуаҳароуп, иуаҳарц азы Христос иӡбахә аӡәы иузеиҭеиҳәароуп. 18 Аха сара азҵаара сымоуп: израильаа ирмаҳацкәа иҟазма? Аҩыраҿы иаными: «Рыбжьы адгьыл иқәыҩуеит, ражәабжь адгьыл аҵыхәанӡа инаӡоит». 19 Даҽакгьы сазҵаауеит: израильаа уи рзеилымкаауа иҟазма? Моисеи иҳәоит: «Сара даҽа жәларк сырзылԥхоит, убри алагьы шәгәы шәсырхьуеит, аилкаара змам ажәлар рыла шәгәы ԥызжәоит». 20 Иса́иа гәымшәарыла иҳәоит: «Исышьҭамыз срыԥшааит, сыӡбахә иазымҵаауаз сеилыркааит». 21 Аха израильаа ирызкны иҳәоит: «Зҳәатәы иазырго, аӡырҩра аазмырԥшуа ажәлар сара сахь ихынҳәырц есыҽны срыҳәон».

11 Убри аҟынтә азҵаара сымоуп: Анцәа ижәлар мап рцәикма? Ҳәарада, мап! Саргьы израильаа среиуоуп, Авраам ишьҭра сатәуп, Вениамин иҭаацәара салҵит. 2 Анцәа аханатә иалиххьаз ажәлар мап рцәимкӡеит. Ишәзымдырӡои Аҩыраҿы ишану Илиа Анцәа даниҳәоз, израильаа дшырзашшуаз? 3 Иара иҳәеит: «Иегова*, урҭ уԥааимбарцәа зегьы ршьит, умҭанагарҭақәа зегь ықәырхит, сара заҵәык соуп иаанхаз, аха уажәшьҭа саргьы сыршьырц рҭахуп». 4 Аха иеиҳәеи Анцәа Илиа? «Сара 7 000-ҩык аансыжьит, урҭ Ваа́л имҵахырхәаӡомызт». 5 Убасоуп иахьагьы. Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара абзоурала агәыԥ маҷ алхны имоуп. 6 Ҳзыԥсам ақьиара абзоурала акәзар, уи ҳусқәа рыла иҳарҳаз ак акәӡам. Ус акәызҭгьы, уи ҳзыԥсам ақьиара акәхаӡомызт.

7 Нас, иаҳҳәар ҳалшозеи? Израильаа ирҭахыз рмоуӡеит, изауз Анцәа иалихыз роуп. Егьырҭ ргәаҵәа жәпахеит, 8 ишану еиԥш: «Анцәа урҭ ҭаҳәахаа ирцәеит. Иахьа уажәраанӡа рылақәа акгьы рбаӡом, рлымҳақәа акгьы раҳаӡом». 9 Давидгьы иҳәоит: «Рчыс шьацҳәаны ирзыҟалааит, изыхҟьашо хаҳәны иҟалааит, ирықәнагоу иақәшәарц азы. 10 Рыла иамбо ирықәлашьцааит, аидара хьанҭа рыбӷа архәааит».

11 Убри аҟынтә азҵаара сымоуп: израильаа уаҳа изымгыло икаҳама? Ҳәарада, мап! Аха иҟарҵаз агха егьырҭ ажәларқәа аиқәхаразы алшара рнаҭеит. Уи иахҟьаны израильаа ашьыцра иалагеит. 12 Урҭ рыгха адунеи арбеиозар, рхыԥхьаӡара ахьмаҷхаз егьырҭ ажәларқәа ирзеиӷьхозар, шаҟа абзиара ҟалараны иҟоузеи, рхыԥхьаӡара нагӡаны ианыҟало!

13 Уажәшьҭа егьырҭ ажәларқәа ирылҵыз сашьцәа шәоуп изасҳәо. Сара егьырҭ ажәларқәа рзы апостолс салхуп, Анцәа исаҭәеишьаз амаҵзурагьы ахә ҳаракны исшьоит, 14 убри аҟынтә сгәыӷуеит, сызлыҵыз ажәлар шәара ишәоуз иаҵашьыцуа иҟасҵап ҳәа, ԥыҭҩык ирыдамзаргьы еиқәсырхарц азы. 15 Анцәа урҭ мап анырцәик, егьырҭ ажәларқәа Анцәа иҩызцәаны иҟаларц азы алшара роуит. Уажәшьҭа израильаа идикылар, урҭ иԥсны зыԥсы ҭалаз ирҩызахоит. 16 Раԥхьатәи аҽаҩра аҟынтә Анцәа кәырбанс изнарго ача злырхыз амажәа ахәҭак ԥшьазар, амажәа зегь ԥшьоуп. Аҵла адац ԥшьазар, амахәҭақәагьы ԥшьоуп.

17 Аха амаслинаҵла махәҭақәак хырҵәеит, нас уара, абнатә маслинаҵла, урҭ рҭыԥан уахарҳаит. Уажәшьҭа уаргьы уи аҵла адацқәа ирылоу аӡы ужәлоит. 18 Аха уара ихырҵәаз амахәҭақәа раасҭа уеиӷьуп ҳәа угәы иаанамган. Ус угәы иаанагозар, иухоумыршҭын адацқәа зку уара шуакәым, адацқәа роуп уара узку. 19 Уара ус уҳәар ауеит: «Сара сахарҳарц азоуп амахәҭақәа зхырҵәаз». 20 Ааи, ус ауп. Урҭ зыхҵәаз ахаҵара ахьрымамыз азоуп, уара узахарҳаз ахаҵара ахьумоу азоуп. Убри аҟынтә ухы шьҭумхлан, Анцәа уицәшәала. 21 Анцәа аҵла иатәыз амахәҭақәа хиҵәазар, уара уаанижьуеит ҳәа угәы иаанагома? 22 Уара иубоит Анцәа дышқьиоу, аха убри аамҭазгьы дшыџьбароу. Даанзыжьыз рзы дыџьбароуп, аха уара узы дқьиоуп, избанзар иқьиара ааирԥшыртә еиԥш ухы мҩаԥугоит. Даҽакала ухы мҩаԥуго уалагар, егьырҭ амахәҭақәа шхиҵәаз еиԥш, уаргьы ухиҵәоит. 23 Аха израильаа ахаҵара аарԥшра иалагар, иара урҭ ҿыц амаслинаҵла иахеиҳауеит. Иара уи илшоит. 24 Анцәа уара абнатә маслинаҵла аҟынтә уҿахҵәаны, абаҳчаҿы изызҳауа амаслинаҵла уахеиҳазар, абжьааԥны ус ишыҟарымҵогьы, илымшаӡои иара уи аҵла иатәу амахәҭақәа ҿыц иахеиҳар?

25 Сашьцәа, шәҟәыӷоуп ҳәа шәхы шәмыԥхьаӡаларц азы, иԥшьоу абри амаӡа жәдыруазарц сҭахуп: израильаа рҟынтә шьоукы шымӡырҩуа иаанхоит, Анцәа егьырҭ ажәларқәа рҟынтә иалихыз зегь ааиаанӡа. 26 Убасала израильаа зегь еиқәхоит, избанзар Аҩыраҿы иануп: «Аиқәырхаҩ Сион аҟынтә даауеит, иара Иаков ихылҵыз ажәлар ацәгьоура иаҟәихуеит. 27 Рыгәнаҳақәа анранасыжьлак, дареи сареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьасҵоит». 28 Дара ажәабжь бзиа ахьрыдрымкылаз азы, Анцәа иаӷацәаны иҟалеит. Уи шәара ишәзеиӷьхеит. Аха Анцәа рабацәа ириҭахьаз ажәа аҳаҭыразы урҭ рҟынтә шьоук алихит, иҩызцәа ракәхарц азы. 29 Анцәа аҳамҭақәа ахьыҟаиҵо дахьхәӡом, иалихыз ахьалихызгьы дахьхәӡом. 30 Уаанӡа шәара Анцәа шәизыӡырҩӡомызт, аха израильаа ахьизымӡырҩуаз азы шәара шәрыцҳаишьеит. 31 Ус анакәха, шәара шәызрыцҳаишьаз урҭ ахьизымӡырҩуаз азоуп. Аха шәара шәышрыцҳаишьаз еиԥш, даргьы рыцҳаишьар илшоит. 32 Анцәа урҭ рымӡырҩра иахҟьаны зегьы иҭаку реиԥш дырзыҟан, урҭ зегь рыцҳаишьарц азы.

33 Шаҟа игәы ҭбааузеи Анцәа! Шаҟа иҵаулоузеи иҟәыӷареи идыррақәеи! Иӡбарақәеи иусқәеи еилкаашьак рымам! 34 «Изылшода Иегова иихәыцуа адырра? Изылшода илабжьара?» 35 «Ӡәыр Анцәа кыр ииҭахьома, Анцәа ауал иқәхартә еиԥш?» 36 Иҟоу зегь зшаз иара иоуп, иара илоуп ишыҟоу, изыҟоугьы иара изоуп. Хьӡи-ԥшеи наӡаӡа игымзааит. Амин.

12 Сашьцәа, Анцәа шәрыцҳаишьеит, убри азы, сшәыҳәоит, шәцәеижь Анцәа игәы иақәшәо, зыԥсы ҭоу, иԥшьоу кәырбанс иҟашәҵа, шәыхшыҩ шәхы иархәаны имаҵ жәула. 2 Ари адунеи* иатәу ауаа иҟарҵо аҟаҵара шәаҟәыҵ, уи аҭыԥан шәыхшыҩ рҿыцуа шәҽышәыԥсахла, Анцәа ииҭаху, игәы иақәшәо, ибзиоуп, ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо еилышәкааларц азы.

3 Анцәа сара сахь сзыԥсам ақьиара ааирԥшит азы зегьы ишәасҳәоит: шәызлаҟоу аасҭа еиҳаны шәхы шәымбалан, уи аҭыԥан ииашаны шәхәыцла, избанзар ахаҵара аарԥшра ишәыцхрааз Анцәа иоуп. 4 Ауаҩы ицәеижь хәҭа рацәала еиҿартәоуп, аха урҭ зегь уск-уск нарыгӡоит. 5 Убас еиԥш ҳаргьы ҳрацәоуп, аха цәеижьк ҳауп, избанзар Христоси ҳареи аӡәк иеиԥш ҳаҟоуп, аха хаҭа-хаҭала цәеижьк ахәҭақәа реиԥш ҳаимадоуп. 6 Анцәа ҳзыԥсам ақьиара аарԥшны зегьы акака ҳалеиҵеит. Аԥааимбаражәақәа рҳәаразы алшара ҳалазар, ҳхаҵара иахьынӡаҳалнаршо аԥааимбаражәақәа ҳҳәалап. 7 Ауаа рымаҵ аура алшара ҳалазар — рымаҵ ҳаулап, аҵара дырҵаразы алшара ҳалазар — аҵара дҳарҵалап, 8 ргәы ашьҭыхразы алшара ҳалазар — ргәы шьҭаҳхлап, аӡәы ицхраара алшара ҳалазар — иҳамоу ҳамеигӡакәа ицеиҩаҳшалап, напхгара ҟазҵо — гәыкала иҟаиҵалааит, арыцҳашьара аазырԥшуа — дгәырӷьаҵәа иааирԥшлааит.

9 Ауаа гәык-ԥсыкала бзиа ижәбала. Ацәгьара шәцәымӷыз, есымша абзиара аҟаҵара шәашьҭаз. 10 Аишьцәа реиԥш бзиа шәеибабала, еизгәакьоу реиԥш агәыбылра аашәырԥшла. Ҳаҭыр анбасықәырҵо ҳәа шәымԥшыкәа, шәхаҭа егьырҭ ҳаҭыр рықәышәҵала. 11 Аус жәула, шәмаашьалан. Иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала шәҳаҵҳаҵо шәыҟаз. Гәыкала Иегова* имаҵ жәула. 12 Ишәымоу агәыӷра шәалагәырӷьала. Ауадаҩрақәа шәанрықәшәо, шәгәы камыжькәа ишәхыжәгала. Еснагь Анцәа шәиҳәала. 13 Анцәа имаҵзуҩцәа ацхыраара анырҭаху, ишәымоу рыцеиҩышәшала. Есымша асасдкылара* аашәырԥшла. 14 Ишәышьҭашәарыцо шәныҳәала, ишәымшәилан, ишәныҳәала. 15 Игәырӷьо шәрыцгәырӷьала, иҵәыуо шәрыцҵәыуала. 16 Шәхы шәшазыҟоу еиԥш егьырҭгьы шәырзыҟаз. Мыцхәы шәхы шәазымхәыцлан, шәхы ҳарашәымклан. Зегь раасҭа шәҟәышушәа шәхы шәмыԥхьаӡалан.

17 Ацәгьа шәзызуа ацәгьа изыжәымун. Зегьы иргәаԥхо аус бзиақәа рыҟаҵара шәашьҭаз. 18 Ауааи шәареи аҭынчра шәыбжьазарц азы, шәара шәганахьала ишәылшо зегь ҟашәҵала. 19 Бзиа избо сашьцәа, шәшьа аура шәашьҭамлан, уи аҭыԥан, шәус Анцәа инапы ианҵаны, игәыԥжәара ааирԥшырц азы алшара ишәҭ, избанзар иануп: «„Ашьоура зду сара соуп, урҭ ирықәнагоу иақәсыршәоит“, — иҳәоит Иегова». 20 Иара убас иануп: «Уаӷа амла дакуазар, акриҿаҵа, аӡба дакуазар, аӡы иржә, убасала уара уи игәы урԥсаҳәоит*». 21 Ацәгьара уиааиртә алумыршан, ацәгьара абзиарала уаиааила.

13 Ҳара напхгара ҳзызуа аиҳабыра ҳарзыӡырҩлароуп, избанзар урҭ амчра рызҭаз Анцәа иоуп. Иахьа иҟоу аиҳабырагьы иааныркыло аҭыԥ рызҭаз иара иоуп. 2 Аиҳабыра ҳарҿагылозар, Анцәа ҳаиҿагылоит. Анцәа еиҿикааз иаҿагыло, ирыхәҭоу иақәшәоит. 3 Абзиара ҟазҵо ауаа аиҳабыра ирыцәшәаӡом, ацәгьара ҟазҵо роуп урҭ ирыцәшәо. Урцәымшәаларц уҭахызар, абзиара ҟаҵала, усҟан дара удырҽхәоит. 4 Урҭ иухәо аусқәа ҟарҵоит, убасала Анцәа имаҵ руеит. Аха ацәгьара ҟауҵозар, урыцәшәала, избанзар дара ацәгьара ҟазҵо ирықәнагоу иақәдыршәаларц азы амчра рымоуп. Урҭ ацәгьара ҟазҵо ахьдырхәуеит, убасала Анцәа имаҵ руеит.

5 Шәара аиҳабыра шәырзыӡырҩлароуп, аха шәахьдырхәыр ҳәа шәшәаны мацара акәымкәа, шәыламыс цқьаны иаанхарц азгьы. 6 Убри азоуп шәара ашәахтәқәа зышәшәогьы. Дара есымша ауаа рымаҵ руеит, убасала Анцәагьы имаҵ руеит. 7 Дасу иитәу ишәҭала: ашәахтә зҭатәу — ашәахтә, аҳаза зҭатәу — аҳаза, аҳаҭыр зҭатәу — аҳаҭыр, апату зықәҵатәу — апату.

8 Ишәзымшәо ауал шәаҵамлан. Уалс ишәыду бзиа аибабара ауп, избанзар зашьа бзиа дызбо азакәан наигӡеит. 9 Азакәан иануп: «Ухатә ҩыза думԥсахын, ауаҩы думшьын, умӷьычын, аӡәы иитәу уамеилаҳан». Абарҭ аԥҟарақәеи егьырҭ аԥҟарақәеи еидукылозар, шьаҭас ирымоу ԥҟарак ауп: «Иузааигәоу ухы бзиа ишубо еиԥш бзиа дбала». 10 Абзиабара аазырԥшуа ауаҩы изааигәоу ацәгьара изиуӡом, убри аҟынтә абзиабара аазырԥшуа азакәан наигӡоит.

11 Ишәасҳәаз ҟашәҵалароуп, избанзар ацәа шәаналҵша аамҭа ааит. Иисус иҵаҩцәаны ҳаныҟала аамҭазы ҳаиқәхара аамҭа ааигәан, аха уажәы еиҳагьы иааигәахеит. 12 Аҵх акыр инаскьахьеит, иаарласынгьы ишоит, убри аҟынтә алашьцара иатәу аусқәа ҳарҟәаҵны, алашара иатәу абџьар шьҭаҳхып. 13 Икаххаа ианшоу рхы шымҩаԥырго еиԥш ҳхы мҩаԥаҳгалап. Ҳҽеиужьны, иааҳҭаху ҟаҵо, ифо-ижәуа ҳаидымтәалалап, аҩы ҳҽаҳмыршьлап, иламысдоу, ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа* ҳҽалаҳамҟьашьлап, ҳмеислап, ҳамшьыцлап. 14 Иҳақәиҭу Иисус Христос шәиҿыԥшла, шәгәаҳәара ҟьашьқәа шынашәыгӡалаша шәазымхәыцлан.

14 Зхаҵара ԥсыҽу ауаҩы гәыкала дшәыдышәкылала, игәаанагареи шәгәаанагареи ахьеиқәымшәо азы* шәимықәыӡбалан. 2 Зхаҵара ӷәӷәоу ауаҩы зегьы ифалар ҟалоит ҳәа иԥхьаӡоит, аха зхаҵара ԥсыҽу иифо ауҭраҭыхқәа роуп. 3 Зегь зфо изымфо димықәыӡбалароуп, изымфо изфо димықәыӡбалароуп, избанзар Анцәа уи гәыкала дидикылеит. 4 Узусҭада уара, аӡәы имаҵуҩы уиқәыӡбартә еиԥш? Уи диашоу-диашаму зыӡбо дызтәу иоуп. Иара дкаҳаргьы, Иегова* диргылар илшоит.

5 Аӡәы мшык егьырҭ амшқәа раасҭа еиҳа ихадоуп ҳәа иԥхьаӡоит, егьи — амшқәа зегь еиԥшуп ҳәа иԥхьаӡоит. Ишыҟазаалакгьы, дасу зыгәра иго шиашоу агәра ганы дыҟазааит. 6 Аӡәы мшык ишьозар, уи Иегова изы ишьоит. Акрызфо Иегова дҳареикларц азы акрифоит, избанзар иара Анцәа иҭабуп ҳәа иеиҳәоит. Акрызымфогьы акрызимфо Иегова дҳареикларц азоуп, избанзар уигьы Анцәа иҭабуп ҳәа иеиҳәоит. 7 Зхазы инхо ҳәа аӡәгьы ҳаҟаӡам, зхазы мацара иԥсуа ҳәагьы аӡәгьы ҳаҟаӡам. 8 Ҳанхозар, Иегова изы ҳанхоит, ҳаԥсуазаргьы, Иегова изы ҳаԥсуеит. Убри аҟынтә ҳанхозаргьы, ҳаԥсуазаргьы, ҳазтәу Иегова иоуп. 9 Христосгьы дзыԥсыз, иԥсгьы зҭалаз иԥсхьоугьы зыԥсы ҭоугьы напхгаҩыс дырзыҟаларц азоуп.

10 Уашьа узиқәыӡбои? Иара иаасҭа уеиӷьушәа ухы зуԥхьаӡои? Анцәа иоуп зегь рус зыӡбо*. 11 Избанзар иануп: «„Сара исымаҿоуп, — дықәуеит Иегова, — зегьы сара сҿаԥхьа ишышьамхышгыло, зегь рҿаԥхьагьы Сшынцәоу шырҳәо“». 12 Ус анакәха, дасу Анцәа иҿаԥхьа ихазы аҭак ҟаиҵоит.

13 Убри аҟынтә уаҳа аӡәгьы ҳаимықәыӡбалап, уи аҵкыс ҳашьа ихаҵара иаԥырхагахо, ма дказыжьыр алшо ак ҟаҳамҵарц азы еснагь ҳхы ҳацклаԥшлап. 14 Иҳақәиҭу Иисус иҵаҩцәа ируаӡәку аӡә иеиԥш, агәра ганы сыҟоуп иаҳфо зегь шыцқьоу. Аха аӡәы фатәык цқьам ҳәа иԥхьаӡозар, уи иара изоуп изыцқьам. 15 Уашьа хьаас дымкӡакәа, иламыс иаҵанамкуа афатә уфозар, абзиабара ааурԥшуеит ҳәа узҳәом. Афатә иахырҟьаны Христос иԥсы зыхҭниҵаз ауаҩы дҭоумырхан. 16 Иҟашәҵо абзиара аӡәы ишакәым дахцәажәартә еиԥш амзыз ишәымҭалан. 17 Избанзар ауаҩы Анцәа Иаҳра даԥсахоу-даԥсамхоу зхьыԥшу иифо-иижәуа акәӡам. Даԥсаны дҟаларц азы, Анцәа иҿаԥхьа дуаҩ иашазароуп, ауааи иареи реизыҟазаашьақәа бзиазароуп, иԥшьоу адоуҳа иунаҭо агәырӷьара имазароуп. 18 Христос убас имаҵ зуа ауаҩы Анцәа диргәырӷьоит, ауаа рҿаԥхьагьы ҳаҭыр иқәзаауеит.

19 Убри аҟынтә, шәааи, ҳабжьара аҭынчра ыҟазарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалап, ҳагәқәагьы шьҭибахлап. 20 Афатә азы Анцәа иџьабаа аӡы иаумҭан. Иаҳфо зегь цқьоуп, аха ак ахьаҳфо иахҟьаны ҳашьа ихаҵара шыԥсыҽхо ҳдыруазар, уи афара иашаӡам. 21 Уашьа ихаҵара урԥсыҽыр аасҭа, акәац умфар, аҩы умжәыр ма даҽак ҟаумҵар еиҳа еиӷьуп. 22 Гәаанагарак умазар, ухазы иумаз, уи Анцәеи уареи ишәыбжьоу усуп. Угәы ишаанагоз еиԥш ианыҟауҵа, уламыс уамыргәаҟзар, насыԥ умоуп. 23 Аха афара ҟалоу-иҟамлоу ҳәа ушылакҩакуа иуфозар, ахара удуп, избанзар афара ҟалоу-иҟамлоу агәра угаанӡа иуфеит. Иҟауҵо шиашоу агәра ганы уҟамзар, агәнаҳа ҟауҵоит.

15 Ҳара — зхаҵара ӷәӷәоу — зхаҵара ԥсыҽу аԥсыҽрақәа шрымоу дырны, рыламыс ҳазхәыцлароуп. Ҳхы мацара ҳазымхәыцлароуп. 2 Иаҳзааигәоу игәы ҟаҳҵарц азы хәарҭа изаазго, игәы иахәо аусқәа рыҟаҵара ҳашьҭазароуп, 3 избанзар Христосгьы ихы акәӡамызт дзызхәыцуаз, ишану еиԥш: «Уара иузырҳәоз ацәгьарақәа зегьы сара исықәшәеит». 4 Аханатә аахыс ирыҩуаз зырҩуаз ҳара ак ҳнарҵарц азоуп, убри аҟынтә ҳара агәыӷра ҳамоуп, избанзар Аҩыра амч ҳнаҭоит, насгьы ачҳара аарԥшуа, ауадаҩрақәа рыхгара иҳацхраауеит. 5 Анцәа ҳгәы ирҭынчуеит, ачҳара аарԥшуа, ауадаҩрақәа рыхгара дҳацхраауеит, убри аҟынтә сиҳәоит, Христос дышхәыцуаз еиԥш ахәыцра дшәыцхраарц. 6 Убасала шәара аӡәк иеиԥш шәеицҿакны, Ҳанцәа, Иҳақәиҭу Иисус Христос Иаб, дҳарашәклоит.

7 Христос гәаартыла шәышидикылаз еиԥш, гәаартыла аишьцәа зегь шәыдышәкылала, уи ала Анцәа дҳарашәклоит. 8 Сара ишәасҳәоит: Христос ауриацәа дырмаҵуҩхеит, Анцәа амц шимҳәо дирбарц, насгьы рабацәа зықәиргәыӷыз шынаӡо шьақәирӷәӷәарц, 9 иара убас егьырҭ ажәларқәагьы Анцәа арыцҳашьара ахьааирԥшуа азы дҳараркырц, Аҩыраҿы ишану еиԥш: «Убри азы сара егьырҭ ажәларқәа рыбжьара усырҽхәалоит, ухьӡ ашәа азысҳәалоит». 10 Иара убас иануп: «Шәгәырӷьала, ажәларқәа, ижәлар шәрыцгәырӷьала». 11 Еиҭа иануп: «Дшәырҽхәала Иегова*, ажәларқәа зегьы, ддырҽхәалааит иара ауаа зегьы». 12 Иса́иагьы иҳәоит: «Иессе́и дихылҵуеит ажәларқәа напхгара рзызуло, ажәларқәагьы иара иқәгәыӷлоит». 13 Агәыӷра ҳазҭо зыгәра жәго Анцәа агәырӷьареи аҭынчреи шәиҭааит, иԥшьоу адоуҳа абзоурала шәгәыӷра еиҳагьы иӷәӷәахарц азы.

14 Сашьцәа, сара агәра ганы сыҟоуп шәара абзиара аҟаҵара шәшазхиоу, адырра шшәымоу, шәеилабжьаларгьы шшәылшо. 15 Аха зхәыцрақәак аартны ишәзызҩит, даҽазнык ишәгәаласыршәарц азы, избанзар Анцәа сара сахь сзыԥсам ақьиара ааирԥшит. 16 Иара Иисус Христос имаҵзуҩыс сҟаиҵеит, егьырҭ ажәларқәа ажәабжь бзиа рыласҳәаларц азы. Сара иԥшьоу уи аус насыгӡоит, Анцәа егьырҭ ажәларқәагьы идикыларц, убасала дара иԥшьоу адоуҳа иԥшьаны иҟанаҵо акәырбан иаҩызахарц азы.

17 Сара Христос Иисус иҵаҩ ахьсакәу сеигәырӷьоит, Анцәа иус ахьынасыгӡогьы сгәырӷьоит. 18 Сызлацәажәарц исҭаху сара иҟасҵаз акәӡам, егьырҭ ажәларқәа Христос изыӡырҩларц азы сара сыла иара иҟаиҵази ииҳәази ауп. 19 Дара Христос изыӡырҩит, избанзар Анцәа идоуҳала иҟаҵаз аџьашьахәқәа рбеит. Убасала сара Христос изку ажәабжь бзиа Иерусалим инаркны Илли́рикынӡа ауаа ирыласҳәеит. 20 Сара исҭахӡамызт Христос дахьырдыруаз аҭыԥ аҿы ажәабжь аҳәара, аӡәы ишьҭеиҵаз ашьаҭаҿы аргылара саламгарц азы, 21 избанзар Аҩыраҿы иануп: «Иӡбахә ззеиҭарымҳәац дырбоит, измаҳац еилыркаауеит».

22 Убри азоуп шәара шәахь акырынтә анеира шысҭахызгьы, изсылымшоз. 23 Аха уажәы ара ажәабжь ахьысымҳәац, сахьымнеиц ҭыԥ ыҟаӡам. Шәызбар сҭахуижьҭеи акыршықәса ҵуеит азы, 24 Испаниаҟа санцо, амҩан шәызбап ҳәа сгәыӷуеит. Ҳанеибабалак ашьҭахь, хәыҷык снаскьажәгап. 25 Уажәазы Иерусалимҟа сцарц сгәы иҭоуп, иԥшьоу срыцхраарц азы. 26 Македониеи Аха́иеи иҟоу аишьцәа иӷарны инхо иерусалимтәи аишьцәа гәык-ԥсыкала ҳамҭақәак рзыҟарҵарц рҭаххеит. 27 Дара урҭ руал рықәуп ҳәа рыԥхьаӡоит, избанзар иерусалимтәи аишьцәа Анцәа иҟынтә ироуз Македониеи Аха́иеи иҟоу аишьцәа ирыцеиҩыршахьан. Уажәшьҭа даргьы ирымоу иерусалимтәи аишьцәа ирыцеиҩыршароуп. 28 Арҭ аҳамҭақәа анрызназгалак ашьҭахь Испаниаҟа сдәықәлоит, амҩан ҳаибабап. 29 Сара издыруеит, шәара шәахь саннеиуа, Христос меигӡарахда исиҭаз сыманы сышшәызнеиуа.

30 Сашьцәа, шәареи сареи Иҳақәиҭу Иисус Христос дхаҳҵоит, иара убас иԥшьоу адоуҳа бзиа аибабара ҳгәазҭанаҵоит, убри аҟынтә сшәыҳәоит: схазы Анцәа сышиҳәо еиԥш, шәаргьы сара сзы гәыкала шәиҳәала. 31 Анцәа шәиҳәала, Иудеиа саныҟало, Иисус дхазымҵо ауаа сырцәихьчарц азы, иара убас Иерусалим иҟоу Анцәа ижәлар ирзызго аҳамҭақәа пату ақәҵаны ирыдыркыларц азы. 32 Нас, Анцәа игәаԥханы иҟалар, сгәырӷьаҵәа шәара шәахь снеиуеит, ҳагәқәагьы шьҭибахуеит. 33 Аҭынчра ҳазҭо Анцәеи шәареи шәеигымзааит. Амин.

16 Сшәыҳәоит, гәыкала дшәыдышәкыл Кенхре́иа иҟоу аизараҿы амаҵ зуа ҳаҳәшьа Фи́ва. 2 Дшәыдышәкыл, Иҳақәиҭу Иисус имаҵзуҩцәа шшәыдышәкыло еиԥш. Ацхыраара лҭаххар, илыгшәмыжьын, избанзар ларгьы дзыцхраахьоу рацәаҩуп, саргьы уахь сналаҵаны.

3 Сысалам рышәҭ Христос Иисус иус сыцназыгӡо При́скеи Аки́леи. 4 Дара сара сзыҳәан рхы ашәарҭара иҭадыргылахьан. Сара урҭ иҭабуп ҳәа расҳәоит, сара сымацара сакәӡам, иауриам аизарақәагьы иҭабуп ҳәа рарҳәоит. 5 Урҭ рыҩнаҿы имҩаԥысуа аизарагьы сысалам рышәҭ. Асалам сызишәҭ бзиа избо Епене́т. Иара Азиа* зегь раԥхьа Христос иҵаҩны иҟалаз дыруаӡәкуп. 6 Асалам сызлышәҭ шәара шәзы аџьабаа ӷәӷәа збахьоу Мариа. 7 Асалам сызрышәҭ исыцҭакыз сҭынхацәа Андрони́ки Иу́нии. Апостолцәа урҭ ибзианы ирдыруеит. Дара сара саԥхьагьы Христос иҵаҩцәа ракәхахьан.

8 Сысалам ишәҭ бзиа избо, Иҳақәиҭу имаҵ сыцызуа сҩыза Амплиа́т. 9 Сысалам рышәҭ Христос имаҵ сыцызуа Урба́ни бзиа избо сҩыза Ста́хии. 10 Асалам ишәҭ Христос иҿаԥхьа ахьӡ бзиа зырҳаз Апелле́с. Аристобу́л иҭаацәагьы асалам сызрышәҭ. 11 Сысалам рышәҭ сыуа Иродио́н, иара убас Нарки́сс иҭаацәа рҟынтә Иҳақәиҭу Христос ишьҭанеиуа. 12 Асалам сызрышәҭ Иҳақәиҭу изы гәыкала аџьабаа збо Трифе́неи Трифо́сеи. Сысалам лышәҭ бзиа иаҳбо Перси́да, ларгьы Иҳақәиҭу изы аџьабаа лбахьеит. 13 Асалам сызишәҭ гәыкала Иҳақәиҭу Иисус имаҵ зуа Руф, иара убас сысалам лышәҭ анык леиԥш исзыҟалаз иан. 14 Асалам сызрышәҭ Асинкри́т, Флего́нт, Герме́с, Патро́в, Герма́с, иара убас урҭ ирыцу аишьцәагьы. 15 Асалам сызрышәҭ Филоло́ги Иулиеи, Нире́и иаҳәшьеи иареи, асалам сызишәҭ Олимпа́н, сысалам рышәҭ урҭ ирыцу иԥшьоу зегьы. 16 Аԥсшәа анеибышәҳәо, гәыцқьала шәеибагәӡла. Христос иеизарақәа зегьы асалам шәырҭоит.

17 Сашьцәа, сшәыҳәоит: аизараҿы акзаара еилазго, егьырҭ рхаҵара́ зырԥсыҽуа, ишәҵахьоу акәымкәа зынӡа даҽак шәзырҵо ауаа шәҽырцәышәыхьчала. Ус еиԥш иҟоу ауаа шәааигәа инашәмышьҭлан. 18 Урҭ зымаҵ руа Иҳақәиҭу Христос иакәӡам, ргәаҳәарақәа роуп. Дара ауаа иргәаԥхо раҳәо, ажәа хаақәа рыла иржьоит. 19 Шәара шәакәзар, Анцәа шәшизыӡырҩуа зегьы ирдыруеит, сара уи даараӡа сеигәырӷьоит. Аха сара исҭахуп абзиара аҟаҵаразы аҟәыӷара шәымазарц, ацәгьара аҟаҵашьа шәзымдыруазарц. 20 Иаарласны аҭынчра ҳазҭо Анцәа амчра шәиҭоит, Аҩсҭаа дыцҟьа-шәҟьа дықәышәҵарц азы. Иҳақәиҭу Иисус иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара шәыгымзааит.

21 Асалам шәиҭоит Анцәа имаҵ сыцызуа Тимофеи, иара убас асалам шәырҭоит сҭынхацәа Лу́ции, Иасо́ни, Сосипа́три.

22 Саргьы, ари асаламшәҟәы зыҩуа шәашьа Те́рти, ақьырсиантә салам шәысҭоит.

23 Асалам шәиҭоит зыҩнаҿы аизара мҩаԥысуа, саргьы гәыкала сыздызкылаз Гаи. Асалам шәырҭоит ақалақь аԥараҵәахырҭа аиҳабы Ера́сти иашьа Кварти. 24 ——*

25 Ишәыласырҵәо ажәабжь бзиеи Иисус Христос изку ажәабжь бзиеи рыла Анцәа шәирӷәӷәар илшоит. Уи ажәабжь бзиа иԥшьоу амаӡа иадҳәалоуп. Иара акыраамҭа иҵәахын, аха уажәы Анцәа ауаа ирзааиртит. 26 Анцәа Аҩыра иану аԥааимбаражәақәа рыла уажәшьҭа уи амаӡа ҳзааиртит. Наӡаӡатәи Анцәа уи амаӡа ажәларқәа зегьы еилыркаарц иҭаххеит, избанзар иара иҭахуп урҭ ахаҵара роурц, насгьы изыӡырҩра иалагарц. 27 Иисус Христос иҟаиҵаз азы зегь реиҳа иҟәыӷоу Анцәа наӡаӡа хьӡи-ԥшеи ирҭалааит. Амин.

Ма «Анцәа изку ииашоу, иҵаулоу адыррақәа рырҳара».

Ма «ииудеиҵәҟьоу».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «агәнаҳа ҟарҵеит».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ауаа зегьы».

Ауриа ма арамеи ажәоуп, иаанагоит «О, саб».

Ма «ҳаҭыр зқәу аус азы».

Ма «ҳаҭыр зқәым аус азы».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Шәахәаԥш Ажәар.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ма «ишәзымдыруа иахь ақьиара».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ихаҿы еизугоит ижжаӡа иаку акәицқәа».

Абырзен ажәа асе́лгеиа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа».

Мамзаргьы иҟалап «дахьылакҩакуа азы».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ма «Зегьы Анцәа иӡбарҭаҭыԥ аҿаԥхьа ҳгылоит».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Шәахәаԥш Ажәар.

Ари ажәеинраала абиблиатә еиҭагақәак рҿы иҟоуп, аха зыгәра угартә иҟоу ажәытә бырзен манускриптқәа рҿы иҟаӡам. Шәахәаԥш Ацҵа А3.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра