Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • nwt 1 Коринфаа рахь 1:1—16:24
  • 1 Коринфаа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • 1 Коринфаа
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
1 Коринфаа

КОРИНФАА РАХЬ АКТӘИ АСАЛАМШӘҞӘЫ

1 Анцәа иҭахны Христос Иисус иапостолс иалху сара, Павели, ҳашьа Сосфе́ни ҳҟынтә 2 Кори́нф иҟоу Анцәа иеизарахь асаламшәҟәы сыҩуеит. Анцәа шәара шәыцқьаны шәыҟазарц азы шәалихит, Христос Иисуси шәареи аӡәк иеиԥш шәҟалеит. Иара убас ирзызыҩуеит егьырҭ аҭыԥқәа рҿы инхо, Иҳақәиҭу Иисус Христос ихьӡ иақәгәыӷуа зегьы. Даргьы ҳаргьы иҳақәиҭу иара иоуп.

3 Ҳаб Ҳанцәеи Иҳақәиҭу Иисус Христоси иҳарҭо аҭынчреи иаадырԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи шәыгымзааит.

4 Сара есымша Сынцәа иҭабуп ҳәа иасҳәоит, Христос Иисус ила шәара шәахь ҳзыԥсам ақьиара ахьааирԥшыз азы. 5 Христос ила шәара зегь шәоуит, Анцәа иажәа ибзианы еилышәкааит, уи ауаа ибзианы ирзеиҭашәҳәартә еиԥшгьы шәҟалеит, 6 Христос изку ажәабжьгьы гәыкала агәра жәгеит. 7 Убри аҟынтә шәара зегь шәымоуп. Иҳақәиҭу Иисус Христос имч анааирԥшуа амш шәазыԥшнаҵы ак шәыгхарангьы шәыҟаӡам. 8 Анцәа аҵыхәтәанынӡа шәирӷәӷәалоит, Иҳақәиҭу Иисус Христос имш анааиуа, аӡәы ишәхареиҵо ҳәа акгьы имоурц азы. 9 Анцәа еснагь иажәа наигӡоит. Иара шәалихит, Иԥа Иҳақәиҭу Иисус Христоси шәареи аӡәк иеиԥш шәыҟазарц азы.

10 Сашьцәа, Иҳақәиҭу Иисус Христос ихьӡала сшәыҳәоит: ишәҳәо ак акәыз, хазы-хазы шәҽеиҩышәымшалан, аӡәк иеиԥш хәыцшьак шәымаз. 11 Сара Хло́иа лыҩнаҭа иатәу рҟынтә исаҳаит шәыбжьара аимак-аиҿак шыҟоу. 12 Шәара ишәҳәоит: «Сара Павел иҵаҩ соуп», «Сара — Аполло́с», «Сара — Ки́фа*», «Сара — Христос». 13 Христос иеизара гәыԥ-гәыԥла аҽеиҩнашама? Павел иоума шәара шәзы ашьаҟа икыдҵаны иршьыз? Павел ихьӡала аума аӡы шәыҽшӡаашәхыз? 14 Анцәа иҭабуп ҳәа иасҳәоит Кри́спи Га́ии рыда аӡәгьы шәахьӡаасымхыз. 15 Сыхьӡала шәыҽӡаашәхит ҳәа аӡәгьы ишәызҳәом. 16 Аиеи, Стефа́н иҩнаҭа иатәугьы ӡаасхит, уаҳа иӡаасхыз ҳәа аӡәгьы дысгәалашәом. 17 Христос сзалихыз ауаа ӡаасхларц азы акәӡам, ажәабжь бзиа рыласҳәаларц азоуп. Аха уи шрыласҳәалаша ажәа ҟәазқәа зҳәо реиԥш акәӡам, мамзар Христос ашьаҟаҿы баша дыԥсызшәа алҵуеит.

18 Аҭахара ззыԥшу рзы Христос ашьаҟаҿы дшыԥсыз иазку ажәабжь — гаӡароуп, еиқәхо ҳзы — Анцәа имч ауп. 19 Аҩыраҿы иаными «аҟәышра змоу рҟәышра рымысхуеит, ахшыҩ змоу — рыхшыҩ хьаас искӡом» ҳәа. 20 Дабаҟоу ари адунеи* аҿы иҟәышу? Дабаҟоу азакәанрҵаҩ? Дабаҟоу ахшыҩ узырҵо? Анцәа ари адунеи аҟәыӷара шгаӡароу ааимырԥшӡеи? 21 Ари адунеи иатәу ауаа зықәгәыӷуа рҟәыӷара ауп, убри азоуп Анцәа дзырзымдыруа. Анцәа иҟәыӷара ааирԥшит, ауаа гаӡараны ирыԥхьаӡо ажәабжь абзоурала уи агәра зго еиқәирхарц аниӡба.

22 Ауриацәа адыргақәа ирышьҭоуп, абырзенцәа — аҟәыӷара иашьҭоуп. 23 Аха ҳара ауаа ирылаҳҳәо ашьаҟа икыдҵаны иршьыз Христос иӡбахә ауп. Уи ауриацәа зыхҟьашо хаҳәны дҟалеит, егьырҭ ажәларқәа ракәзар, иара изкны еиҭаҳҳәо гаӡараны ирыԥхьаӡоит. 24 Аха иалху ракәзар, ауриацәа реиԥш абырзенцәагьы, Анцәа имчи иҟәыӷареи Христос ила иааирԥшит ҳәа рыԥхьаӡоит. 25 Ауаа Анцәа иитәу гаӡароуп, иагьыԥсыҽуп ҳәа рыԥхьаӡоит, аха уи дара раасҭа еиҳа иҟәыӷоуп, иагьыӷәӷәоуп.

26 Сашьцәа, шәара ижәдыруеит Анцәа шәанааиԥхьаз, шәыбжьара ишырацәамыз иуаа ҟәышқәоуп ҳәа ирыԥхьаӡоз, ишырацәамыз иӷәӷәаз, ишырацәамыз иуаа дуқәаз. 27 Аха Анцәа иалихыз ари адунеи аҿы игаӡақәоуп ҳәа ирыԥхьаӡо роуп, иҟәышу ирԥхашьарц азы, иалихыз иԥсыҽуп ҳәа ирыԥхьаӡо роуп, иӷәӷәоу ирԥхашьарц азы. 28 Анцәа иалихит ари адунеи аҿы уиаҟара иубарҭам, ауаа ираҭәарымшьо, акы иаԥсаны ирмыԥхьаӡо, дара рзы акыр иаԥсоу акы иаԥсамкәа иҟаиҵарц азы. 29 Уи зегь зыҟаиҵаз, иҿаԥхьа аӡәгьы дмыҽхәаларц азоуп. 30 Иара ибзоуралоуп зыԥсы ҳахҭынҵаны, агәнаҳа аҟынтә ахақәиҭра ҳазҭаз, Анцәа иҟәыӷара ҳзаазыртыз, ҳуаа иашақәаны, ҳуаа цқьақәаны ҳҟазҵаз Христос Иисуси шәареи аӡәк иеиԥш шәызлаҟоу, 31 Аҩыраҿы ишану еиԥш иҟаларц азы: «Аӡәыр дыҽхәозар, Иегова* дихыҽхәалааит».

2 Сашьцәа, сара Анцәа имаӡа ԥшьа шәзеиҭасҳәарц азы саншәызнеи, ажәа ҟәазқәа рыла ма сҟәышра ала шәсыршанхарц сашьҭамызт. 2 Сара исыӡбеит Иисус Христос иӡбахәи уи ашьаҟа дкыдҵаны дшыршьыз атәи ада уаҳа акгьы шәасымҳәаларц. 3 Шәара шәахь саннеи, сара сыӷәӷәамызт, сшәаԥырҳаԥуа сыҟан, сгәы ҭыԥсаауан. 4 Анцәа иажәа анышәзеиҭасҳәоз, ауаа ҟәышқәа рхы иадырхәо ажәа ҟәазқәа сҳәаӡомызт, сажәақәа ирныԥшуаз Анцәа идоуҳамч акәын. 5 Ус зыҟасҵоз, ауаа рҟәышра акәымкәа, Анцәа имч агәра жәгаларц азоуп.

6 Ҳара аҟәышра аӡбахә доуҳала ишәхьоу ираҳҳәоит, аха зыӡбахә ҳҳәо ари адунеи* аҟәышра акәӡам, иқәӡаараны иҟоу анапхгаҩцәа рҟәышрагьы акәӡам. 7 Ҳара зыӡбахә ҳҳәо Анцәа иҟәыӷара ауп — иҵәаху аҟәыӷара. Уи аҟәыӷара иԥшьоу амаӡаҿы иааԥшит. Анцәа уи аханатә аахыс* игәы иҭеикит, ҳара ахьӡ-аԥша ҳаурц азы. 8 Ари адунеи* анапхгаҩцәа рҟынтә уи аҟәыӷара аӡәгьы изеилымкааӡеит. Еилыркаазҭгьы, хьӡи-ԥшеи змоу Иҳақәиҭу ашьаҟа дкыдҵаны дыршьрымызт. 9 Аҩыраҿы иануп: «Анцәа бзиа иибо рзы ирхианы имоу ала иамбацт, алымҳа иамаҳацт, уаҩ ихаҿгьы имааицт». 10 Анцәа идоуҳала ҳара уи ҳзааиртит, избанзар уи адоуҳа зегь аанартуеит, Анцәа иҟәыӷара ҵауларас иамоугьы.

11 Ауаҩы иихәыцуа здыруа ӡәыр дыҟоума? Иара ида уи аӡәгьы издырӡом. Убас еиԥш Анцәа иихәыцуагьы аӡәгьы издырӡом, иԥшьоу адоуҳа иззаанартуа ида. 12 Ҳара иҳауз ари адунеи адоуҳа акәӡам, Анцәа идоуҳа ауп, агәыҭбаара аарԥшны иҳаиҭаз ҳдыруазарц азы. 13 Уи атәы анаҳҳәо, ҳара ҳхы иаҳархәо ауаа ҟәышқәа иаҳдырҵаз ажәақәа ракәӡам, иԥшьоу адоуҳа иаҳнарҵаз ауп. Адоуҳатә зҵаарақәа ҳанрылацәажәо, иԥшьоу адоуҳа иаҳнарҵаз ажәақәа роуп ҳхы иаҳархәо.

14 Аха згәаҳәарақәа ирышьҭоу ауаҩы Анцәа идоуҳа иаҳәо изеилкааӡом, иагьидикылаӡом, избанзар иара изы уи гаӡароуп. Ауаҩы уи еиликаарц азы Анцәа идоуҳа имазароуп. 15 Иԥшьоу адоуҳа иаҳәо ҟазҵо ауаҩы зегь еиликаартә дыҟоуп, аха иԥшьоу адоуҳа иаҳәо ҟазымҵо иара дырзеилкааӡом, иқәыӡбарагьы рылшаӡом. 16 «Иегова* ихшыҩ еилызкаахьада? Ӡәыр илшома уи ак иҵаҳәара?» Ҳара ҳакәзар, Христос ихәыцшьа ҳамоуп.

3 Убри аҟынтә, сашьцәа, сара Анцәа идоуҳа змоу сышрацәажәо еиԥш сызшәацәажәаӡомызт, ари адунеи иатәу сышрацәажәо еиԥш ауп сышшәацәажәоз, Христос имҩаҿы исабицәоу шьоук реиԥш. 2 Сара ахш ауп ишәсыржәуаз, даҽа фатәык шәҿасҵаӡомызт, избанзар уи аҟаҟара шәылшаӡомызт. Иара уажәгьы ишәылшаӡом. 3 Избанзар шәара макьана ари адунеи иатәу ауаа шәреиԥшуп. Шәыбжьара аиҵашьыцреи аимак-аиҿаки ыҟазар, ари адунеи иатәу ауаа шәреиԥшӡами? Дара иҟарҵо акәӡами иҟашәҵо? 4 Аӡәы ианиҳәо: «Сара Павел иҵаҩ соуп», егьи: «Сара Аполло́с иҵаҩ соуп», егьырҭ ауаа иҟарҵо акәӡами шәаргьы иҟашәҵо?

5 Дызусҭада, нас, Аполло́с? Дызусҭада Павел? Урҭ Иҳақәиҭу ирыдиҵаз аус назыгӡо маҵзуҩцәоуп, дара рыбзоурала шәаргьы Иисус иҵаҩцәа шәакәхеит. 6 Сара еиҭасҳауан, Аполло́с аӡы аҵеиҭәон, аха еиззырҳауаз Анцәа иоуп. 7 Убри аҟынтә арҽхәара иаԥсоу еиҭазҳауеи аӡы аҵазҭәои ракәӡам, еиззырҳауа Анцәа иоуп. 8 Еиҭазҳауагьы аӡы аҵазҭәогьы уск ауп инарыгӡо, аха дасу иџьабаазы аҳамҭа иоуеит. 9 Ҳара — Анцәа аус ицызуа ҳауп, шәара — Анцәа имхурсҭа шәоуп, иара иргылаз аҩны.

10 Анцәа сара сахь иааирԥшыз сзыԥсам ақьиара абзоурала, аԥышәа змоу аргылаҩ иеиԥш ашьаҭа шьҭасҵеит, даҽаӡәы уи ашьаҭаҿы аҩны иргылоит. Аха дасу иширгыло дацклаԥшлааит. 11 Аӡәгьы илшаӡом ишьҭаҵоу ашьаҭа ада, даҽа шьаҭак ашьҭаҵара, уи ашьаҭа — Иисус Христос иоуп. 12 Аӡәы уи ашьаҭаҿы аҩны иргылоит ахьи, араӡни, зыхә ҳараку ахаҳәқәеи рыла, даҽаӡәы — амҿи аҭәеи рыла. 13 Аха иааиуеит амш, дасу аус шиуаз анааԥшуа, избанзар амца иаанарԥшуеит дасу иргылаз зеиԥшроу. 14 Ауаҩы уи ашьаҭаҿы иргылаз мбылӡакәа иаанхар, аҳамҭа иоуеит. 15 Иблыр, ацәыӡ ду иоуеит, ихаҭа далабылӡом, аха амца иалҵыз диҩызахоит.

16 Ишәзымдырӡои шәара Анцәа иныҳәарҭа шшәакәу, Анцәа идоуҳагьы шшәыцу? 17 Анцәа иныҳәарҭа ӡәыр иқәигозар, Анцәагьы уи дықәигоит, избанзар Анцәа иныҳәарҭа ԥшьоуп, уи аныҳәарҭа — шәара шәоуп.

18 Шәхы шәымжьалан: ари адунеи* аҿы сҟәышуп ҳәа ӡәыр шәхы шәыԥхьаӡозар, шәгаӡахароуп, ииашаҵәҟьаны шәҟәышхарц азы. 19 Избанзар ари адунеи аҟәыӷара Анцәа изы гаӡароуп. Аҩыраҿы иаными «иара ауаа ҟәышқәа ршьацҳәа рхаҭақәа аиркуеит» ҳәа. 20 Иара убас иануп: «Иегова* идыруеит иҟәышу ирхәыцуа ҵак шамам». 21 Убри аҟынтә аӡәгьы ауаа дырхымыҽхәалааит, избанзар зегьы шәара ишәтәуп, 22 Павелгьы, Аполло́сгьы, Ки́фагьы*, адунеигьы, аԥсҭазаарагьы, аԥсрагьы, иахьа иҟоугьы, ҳаԥхьаҟа иҟалогьы — зегьы шәара ишәтәуп. 23 Шәара шәакәзар, Христос шәитәуп, Христос — Анцәа дитәуп.

4 Ауаа ирбалароуп Христос имаҵуцәа шҳакәу, иара убас ирбалароуп Анцәа имаӡа ԥшьақәа знапы ианиҵаз имаҵуцәа шҳакәу. 2 Амаҵуцәа рыԥшәма рнапы ианиҵаз аус гәыкала инарыгӡалароуп. 3 Сара хьаас исымаӡам шәара шәахьсықәыӡбо, мамзаргьы аӡбаҩцәа ахьсықәыӡбо. Схаҭагьы схы сақәыӡбаӡом. 4 Сара сыламыс цқьоуп, аха уи сышуаҩ иашоу шьақәнарӷәӷәаӡом. Ӡбаҩыс исымоу Иегова* иоуп. 5 Убри аҟынтә иазалху аамҭа ааиаанӡа, аӡәгьы шәимықәыӡбалан, Иҳақәиҭу Иисус даанӡа шәыԥшыз. Иара алашьцараҿы иҵәаху алашарахь ицәыригоит, ауаа ргәы иҭоугьы ааирԥшуеит. Усҟан Анцәа дасу ишиқәнагоу еиԥш дирҽхәоит.

6 Сашьцәа, Аполло́си сареи ҳҿырԥштәы ааганы абри зегь зышәзысыҩуа, ахәарҭа шәзаанагарц азоуп, ҳара шәаҳҿыԥшны, абри аԥҟара ақәныҟәашьа шәҵарц азы: «Иԥшьоу Аҩыра иану шәахымԥалан». Уи ақәныҟәашьа шәҵар, шәԥагьахаӡом, аӡә деиӷьуп, аӡә деицәоуп ҳәа шәыԥхьаӡалаӡом. 7 Уара аӡәы узлаиеиӷьузеи? Иумоу зегь узҭаз Анцәа иакәӡами? Анцәа иакәзар иузҭаз, узыҽхәои, уи ухала иурҳазшәа?

8 Ишәҭаху зегь шәоухьоума? Амал ду шәырҳахьоума? Ҳара ҳада аҳра аура шәалагахьоума? Ишԥабзиахоз шәалагахьазҭгьы, усҟан ҳаргьы аҳра шәыцҳаулон. 9 Анцәа, ҳара апостолцәа, асценахь аҵыхәтәаны ицәырҵуа, иршьраны иҟоу шьоук реиԥш ҳалихызшәа збоит. Ҳара адунеи зегь азы, амаалықьцәа рзы, ауаа рзы атеатр аҿы иқәгыло ҳарҩызахеит. 10 Христос имшала ҳара ҳгаӡақәоуп ҳәа рыԥхьаӡоит, шәара шәакәзар, Христос ишьҭа шәхыланы шәахьцо азы шәҟәышуп ҳәа шәыԥхьаӡоит. Ҳара ҳаԥсыҽуп, шәара шәыӷәӷәоуп. Шәара ҳаҭыр шәықәырҵоит, ҳара — уаасгьы ҳрыԥхьаӡаӡом. 11 Ҳара уаанӡа еиԥш иахьагьы амла ҳакуеит, аӡба ҳакуеит, ҳрыпҟоит, иаҳшәаҳҵо ҳамам, ҳхы ахьыҵаҳкуа ҳамам, 12 ҳнапы ԥсшьаха амҭаӡакәа аус ҳуеит. Ауаа иҟоу зегь анаҳзырҳәо, ҳара урҭ ҳныҳәоит, ианҳашьҭашәарыцо — иҳачҳауеит, 13 ацәгьа анаҳзырҳәо — хаала аҭак раҳҭоит. Иахьа уажәраанӡагьы ҳара ари адунеи азы ҟьамсарк ҳаҩызоуп, ирҭахым, икарыжьуа агәам ҳарзаҩызоуп.

14 Абри зегь зышәзысыҩуа, шәсырԥхашьарц азы акәӡам, бзиа избо схәыҷқәа реиԥш сшәылабжьарц азоуп. 15 Христос имҩала ацашьа шәзырҵо 10 000-ҩык арҵаҩцәа* шәымазаргьы, абацәас ишәымоу рацәаҩӡам. Сара сакәзар, Христос Иисус изку ажәабжь бзиа анышәзеиҭасҳәа, абыс сышәзыҟалеит. 16 Убри аҟынтә, сшәыҳәоит: сҿырԥшы шәықәныҟәала. 17 Уи азы бзиа избо, ԥас исзыҟалаз Тимофеи дышәзынасышьҭуеит. Иара гәыкала Иҳақәиҭу Иисус имаҵ иуеит. Уи ишәгәалаиршәоит Христос Иисус имаҵуҩ иеиԥш схаҭа сзықәныҟәо, аизарақәагьы идсырҵо апринципқәа*.

18 Шьоукы шәара шәахь сымнеиуа џьыршьан, рхы ҳараркуа иалагеит. 19 Аха Иегова иҭаххар, иаарласны сшәызнеиуеит. Сызнеиуа, зыҽзырԥагьо ирҳәо сазыӡырҩырц азы акәӡам, Анцәа имч рымоу-ирымаму еилыскаарц азоуп. 20 Ауаҩы Анцәа Иаҳра дшатәу аазырԥшуа ииҳәо акәӡам, уи аазырԥшуа иусқәа рҿы иааԥшуа Анцәа имч ауп. 21 Еиҳа еиӷьашәшьои: аҷын сыманы сшәызнеир акәу, абзиабара сыманы, схааӡа сшәызнеир акәу?

5 Сара исаҳаит шәара шәҟны аӡәы иаб иԥҳәыс дышлыцынхо, уи аҩыза амаҳагьара* Анцәа дхазымҵогьы иҟарҵаӡом. 2 Аҵәыуара ацынхәрас шәара уи шәахыҽхәоит. Аха шәызхыҽхәо ҳәа акрыҟоума? Дшәылыжәгар акәӡами уи? 3 Цәала-жьыла шәара шәҿы сыҟаӡам, аха гәыла-ԥсыла уа сыҟоуп. Убри аҟынтә уа сыҟазҭгьы ишыҟасҵарыз еиԥш, уи агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы сиқәыӡбахьеит. 4 Иҳақәиҭу Иисус ихьӡала шәанеизалак, саргьы гәыла-ԥсыла сышшәыцу жәдыруаз, ижәдыруаз, Иҳақәиҭу Иисус имчгьы шсыцу. 5 Убри аҟынтә шәанеизалак, уи ауаҩ Аҩсҭаа дишәҭароуп, игәнаҳа иаҟьашьыз аизара цқьахарц азы, насгьы Иҳақәиҭу Иисус имш аҽны аизара* еиқәхарц азы.

6 Шәахьыҽхәо бзиаӡам. Ишәзымдырӡои маҷк аҵәыҵәыра амажәа зегь шарҵәыҵәуа? 7 Шәара аҵәыҵәыра шәыламзароуп, убри азы иҵәыҵәхьоу амажәа наҟ икашәыжь, ҿыц иркәаҳаз амажәа еиԥш шәҟаларц азы, избанзар мшаԥазтәи асыс иаҳзаҩызоу Христос иԥсы ҳахҭниҵахьеит. 8 Убри аҟынтә, шәааи, аныҳәа аназгәаҳҭо, иҵәыҵәхьоу амажәа ҳхы иаҳмырхәалап, ацәгьареи агәнаҳаи ирҩызоу амажәагьы ҳхы иаҳмырхәалап, шәааи, агәыцқьареи аиашареи ирҩызоу арҵәыга злам ача ҳфалап.

9 Сара ишәзысыҩхьан, иламысдоу ауаа хәымгақәа* шәрыцымлан ҳәа. 10 Аха исҳәарц исҭахыз ари адунеи иатәу ауаа хәымгақәеи*, аԥсыцәгьақәеи, арҳәцәеи, амцнцәахәқәа ирымҵахырхәо ауааи зынӡа рымԥан шәықәымлан ҳәа акәӡам. Усҟан ари адунеи шәалҵыр акәхон. 11 Аха уажәшьҭа ишәзысыҩуеит, шәашьа соуп ҳәа зҳәо, аха ламысдарала* зхы мҩаԥызго, ма зыԥсы цәгьоу, ма амцнцәахәқәа ирымҵахырхәо, ма ауаа ацәгьа рзызҳәо, ма арыжәтә зҽазыршьуа, ма ауаа зырҳәуа шәицымларц. Уи аҩыза ауаҩы шәидтәаланы акрагьицшәымфалан. 12 Аизара иатәым рус ӡбатәыс изсымазар акәзеи? Аизара иатәу рус акәӡами шәара ишәыӡбалаша? 13 Аизара иатәым рус Анцәа иоуп изыӡбо. «Ацәгьара ҟазҵо наҟ дшәылыжәга».

6 Шәашьеи шәареи аимак аншәыбжьало, иԥшьоу шәашьцәа рахь акәымкәа, Анцәа дхазымҵо аӡбаҩцәа рахь шәызцои? 2 Мамзаргьы иԥшьоу ауаа адунеи ишақәыӡбо шәзымдыруоу? Ҳаԥхьаҟа адунеи шәақәыӡбозар, уажәы амаҷ аӡбара шәылымшаӡои? 3 Ишәзымдырӡои амаалықьцәа ҳрықәыӡбараны ҳшыҟоу? Ус акәзар, ҳаԥсҭазаараҿы ицәырҵуа азҵаарақәа ҳзымыӡбаӡои? 4 Избан, нас, ус еиԥш иҟоу азҵаарақәа шәыӡбарц азы, аишьцәеи аиҳәшьцәеи зыгәра рымго аӡбаҩцәа рахь шәызцо? 5 Шәсырԥхашьарц азоуп изысҳәо. Шәеилзыргоз ҳәа иҟәышу аӡәгьы дҟамлаӡеи? 6 Шәара шәаалаганы шәашьа Анцәа дхазымҵо аӡбаҩцәа рахь дшәыманы шәцоит!

7 Шәашьа дшәыманы аусӡбарҭахь шәахьцо шәара шәзы ихьымӡӷуп. Уи ак шәзиузаргьы, ишәычҳар еиҳа еиӷьӡами? Еиҳа еиӷьӡами ишәцәигаз иара изыншәыжьыр? 8 Аха шәара шәашьцәа иҽеимкәа шәрызныҟәоит, уимоу, ирымоугьы рымышәхуеит!

9 Ишәзымдырӡои ауаа цәгьақәа Анцәа Иаҳра рбараны ишыҟам? Шәхы шәымжьалан. Ламысдарала* зхы мҩаԥызго, амцнцәахәқәа ирымҵахырхәо, зхатә ҩыза дзыԥсахуа, ахацәа ирыцышьҭало ахацәа*, 10 аӷьычцәа, аԥсыцәгьақәа, арыжәтә зҽазыршьуа, ауаа ацәгьа рзызҳәо, ауаа зырҳәуа — абарҭ зегьы Анцәа Иаҳра рбараны иҟаӡам. 11 Урҭ реиԥш иҟазгьы шәыҟоуп. Аха Анцәа шәалихит, шәкәабаны, шәыцқьаӡа шәҟаиҵеит, идоуҳалеи Иҳақәиҭу Иисус Христос ибзоуралеи шәуаа иашақәаны шәиԥхьаӡеит.

12 Зегь аҟаҵара азин сымоуп, аха зегь ахәарҭа сзаанагом. Зегь аҟаҵара азин сымоуп, аха акы маҵуҩыс сҟанаҵартә алсыршаӡом. 13 Афатә зыҟоу амгәа азоуп, амгәагьы зыҟоу афатә азоуп. Аха Анцәа уигьы егьыгьы ықәигоит. Ацәеижь зыҟоу аус ҟьашьқәа* рзы акәӡам, Иҳақәиҭу Иисус изоуп. Иҳақәиҭу Иисусгьы дзыҟоу ацәеижь азоуп. 14 Анцәа имч ала Иҳақәиҭу Иисус иԥсы ҭеиҵеит, ҳаргьы ҳаԥсы ҭеиҵоит.

15 Шәцәеижь Христос ицәеижь ишахәҭаку шәзымдырӡои? Нас, Христос ицәеижь ахәҭақәа ганы, акаҳԥы илысҭома? Мамоу, уи ҟалашьа амам! 16 Ишәзымдырӡои, аӡәы акаҳԥы длыцышьҭалозар, иареи лареи цәеижькны ишыҟало? Анцәа имҳәеи «ҩыџьа аӡәыкны* иҟалоит» ҳәа. 17 Иҳақәиҭу Иисус зыҽидызкылаз иакәзар, Христоси иареи рхәыцшьа ак акәхоит. 18 Асексуалтә ламысдара* шәацәыбналала! Ауаҩы егьырҭ агәнаҳақәа аныҟаиҵо ицәеижь иҟьашьӡом, аха ламысдарала* ихы мҩаԥигозар, ицәеижь иҟьашьуеит. 19 Ишәзымдырӡои шәара зегьы цәеижькны шәшыҟоу, насгьы уи ацәеижь Анцәа ишәиҭаз иԥшьоу адоуҳа ахьыҟоу аныҳәарҭа ишаҩызоу? Шәара шәхы шәақәиҭӡам, шәызтәу Анцәа иоуп, 20 избанзар ахә ду шәыхшәааны шәааихәеит. Убри аҟынтә шәцәеижь ала Анцәа дҳарашәкла.

7 Исзыжәҩыз азҵаара атәы сҳәозар, ахаҵа аԥҳәыс длыламкьысыр еиҳа еиӷьуп. 2 Аха ламысдарала* зхы мҩаԥызго ахьырацәоу азы, дасу ихатә ҩыза димазааит: ахаҵа иԥҳәыс димазааит, аԥҳәыс лхаҵа длымазааит. 3 Ахаҵа иԥҳәыс илиҭалар ихәҭоу лиҭалааит, аԥҳәысгьы лхаҵа илҭалар лыхәҭоу илҭалааит. 4 Аԥҳәыс лцәеижь дақәиҭӡам, уи иақәиҭу лхаҵа иоуп, убас еиԥш ахаҵагьы ицәеижь дақәиҭӡам, уи иақәиҭу иԥҳәыс лоуп. 5 Уи аҿы шәхатә ҩыза мап ицәышәымклан. Анцәа иҳәаразы аамҭа алышәхырц азы аамҭак аҩныҵҟа уи мап ацәышәкырц шәыӡбаргьы, шәҩыџьагьы шәеиқәышаҳаҭзароуп. Нас еиҭах шәеицыҟаз, аҽынкылара ахьышәзымхо азы Аҩсҭаа шәхимхырц азы. 6 Аха исҳәаз закәанк еиԥш акәымкәа, ззин шәымоу ак еиԥш шәазыҟаз*. 7 Сара исҭахуп зегьы сара сеиԥш иҟазарц. Аха Анцәа зегьы ҳамҭак-ҳамҭак риҭеит, аӡәы — акы, егьи — даҽакы.

8 Аҭаацәара иалами аҳәсеибацәеи ишәасҳәоит: сара сеиԥш шәаанхар еиҳа еиӷьуп. 9 Аха шәыҽшәызнымкылозар, аҭаацәара шәалала. Аҭаацәара уалалар еиҳа еиӷьуп, угәаҳәарақәа уеиларбылуа, уҽузнымкыло уҟазар аасҭа.

10 Аҭаацәара иалоу ирасҳәоит, изҳәо сара сакәӡам, Иҳақәиҭу иоуп: аԥҳәыс лхаҵа даанылмыжьроуп. 11 Даанлыжьыргьы, хаҵа дымцааит, ма лхаҵа динышәааит. Ахаҵагьы иԥҳәыс даанимыжьроуп.

12 Егьырҭ ирасҳәоит, изҳәо сара соуп, Иҳақәиҭу иакәӡам: аиашьа ахаҵара змам аԥҳәыс димазар, аха лара ицынхара дақәшаҳаҭзар, иԥҳәыс даанимыжьааит. 13 Аԥҳәысгьы ахаҵара змам ахаҵа длымазар, аха иара лыцынхара дақәшаҳаҭзар, лхаҵа даанылмыжьааит. 14 Ахаҵара змам ахаҵа иԥҳәыс лыбзоурала дыԥшьоуп, ахаҵара змам аԥҳәысгьы лхаҵа ибзоурала дыԥшьоуп. Ус акәмызҭгьы, шәхәыҷқәа цқьахомызт, аха уажәы дара ԥшьоуп. 15 Ахаҵара змам дцарц иӡбазар, дцааит. Дцарц иҭахызар, ахаҵара змоу ихатә ҩыза уи ицынхара уалс идӡам. Анцәа ҭынч шәынхаларц ауп ииҭаху. 16 Аԥҳәыс, ибдыруеи, бхаҵа дыбзеиқәырхар? Ма, уара, ахаҵа, иудыруеи, уԥҳәыс дузеиқәырхар?

17 Дасу Иегова* ишиаҭәеишьаз еиԥш дынхалааит, даналихыз дшыҟаз еиԥш дыҟазааит. Сара аизарақәа зегь ус ҟарҵаларц расҳәоит. 18 Анцәа шәанааиԥхьаз шәаԥхьатә хсазма? Ус акәзар, ус шәыҟаз. Анцәа шәанааиԥхьаз шәаԥхьатә хсаӡамзи? Ус акәзар, ихышәымсан. 19 Ихадоу уаԥхьатә хсоу-ихсаму акәӡам, Анцәа изакәанқәа урықәныҟәоу-урықәымныҟәоу ауп. 20 Дасу Анцәа данааиԥхьаз дшыҟаз еиԥш даанхалааит. 21 Маҵуҩыс уҟазма Анцәа уаналихыз? Ус акәзар, уи хьаас иҟаумҵан. Аха ахақәиҭра аиуразы алшара умазар, ухы иархәа. 22 Маҵуҩыс иҟаз аӡәы Иҳақәиҭу иҵаҩ иакәны даныҟала, Иҳақәиҭу ахақәиҭра зиҭаз иакәны дҟалеит. Зхы иақәиҭызгьы Анцәа иҟынтә ааԥхьара аниоу, Христос имаҵуҩы иакәны дҟалеит. 23 Анцәа ахә ду шәыхшәааны шәааихәеит. Уаҳа ауаа маҵуцәас шәхы рышәымҭалан. 24 Сашьцәа, Анцәа шәанааиԥхьаз шәшыҟаз еиԥш, иҿаԥхьа убас шәаанхала.

25 Аԥҳәыс дзымбац ахацәеи ахаҵа дзымбац аҳәсеи, Иҳақәиҭу Иисус алабжьара шәыҭатәуп ҳәа сеимҳәаӡеит. Аха уеизгьы сгәаанагара сҳәар сҭахуп, сажәақәа рыгәра жәгартә иҟоуп, избанзар Иҳақәиҭу Иисус срыцҳаишьеит. 26 Арҭ аамҭа цәгьақәа рзы ауаҩы дшыҟоу дыҟазар еиҳа еиӷьуп ҳәа сгәы иаанагоит. 27 Аԥҳәыс думазар — даансыжьуеит ҳәа уаламган, думамзар* — улышьҭамлан. 28 Аха аԥҳәыс дааугаргьы, агәнаҳа ҟауҵаӡом. Ахаан аҭаацәара иаламызгьы* аҭаацәара далалар, агәнаҳа ҟаиҵаӡом, аха аҭаацәара иалало рыԥсҭазаараҿы ауадаҩра ҿыцқәа цәырҵуеит. Сара урҭ шәырцәысыхьчар сҭахуп.

29 Сашьцәа, иаанхаз аамҭа маҷуп. Аҳәса змоу — уажәшьҭа измам реиԥш иҟалааит, 30 иҵәыуо — имҵәыуо реиԥш иҟалааит, игәырӷьо — имгәырӷьо реиԥш иҟалааит, ак аазхәо — измам реиԥш иҟалааит. 31 Адунеи зхы иазырхәогьы — инагӡаны зхы иазмырхәо реиԥш иҟалааит, избанзар адунеи аҭагылазаашьа* аҽыԥсахра иаҿуп. 32 Сара исҭахуп хьаа-баа шәымамкәа шәыҟазарц. Аԥҳәыс дызмам ахаҵа Иҳақәиҭу Иисус имаҵ шиулаша дашьҭоуп, игәы шыҟаиҵаша дазхәыцуеит. 33 Аԥҳәыс дызмоу ахаҵа иакәзар, аԥсҭазаара иацу аусқәа дрызхәыцуеит, иԥҳәыс лгәы шыҟаиҵаша дашьҭоуп. 34 Иара игәы анахьгьы иҟоуп, арахьгьы иҟоуп. Аҭаацәара иалам аԥҳәыси ахаҵа дзымбац аԥҳәыси ракәзар, урҭ зызхәыцуа Иҳақәиҭу Иисус имаҵ шырулаша ауп, Анцәа иҿаԥхьа рхәыцрақәагьы русқәагьы цқьазарц азы. Аҭаацәара иалоу аԥҳәыс лакәзар, аԥсҭазаара иацу аусқәа дрызхәыцуеит, лхаҵа игәы шыҟалҵаша дашьҭоуп. 35 Исҳәо зысҳәо ишәыхәарц азоуп, ишәымоу азин шәымысхырц азы акәӡам. Сара исҭахуп Иҳақәиҭу Иисус имаҵ аураҿы ишәԥырхагоу ҳәа акгьы ыҟамзарц, еснагь гәыкала имаҵ жәуларц, аус бзиа шәаҿызарц.

36 Аха аҭаацәара иалам аӡәы игәаҳәарақәа рынкылара шилымшо ибозар, насгьы мыцхәы дқәыԥшцәамзар, иҭахызар, аҭаацәара далалааит, уи гәнаҳаӡам. 37 Аха аӡәы уи адагьы сынхалар сылшоит ҳәа аҭаацәара даламларц иӡбазар, ишиӡбаз еиԥшгьы дынхозар, игәаҳәарақәагьы рынкылара илшозар, иҟаиҵо бзиоуп. 38 Ааи, аҭаацәара иалало иҟаиҵо бзиоуп, аха иаламло иҟаиҵо еиҳагьы еиӷьуп.

39 Аԥҳәыс лхаҵа иԥсы ахьынӡаҭоу дидҳәалоуп. Аха лхаҵа дыԥсыр, илҭаху диццар лылшоит, аха уи Иҳақәиҭу Иисус Христос иҵаҩ иакәзароуп. 40 Аха сгәанала, дшыҟоу даанхар еиҳа насыԥ лымазаауеит. Агәра ганы сыҟоуп саргьы Анцәа идоуҳа шсымоу.

8 Уажәшьҭа анцәахәқәа ирызнарго афатә салацәажәар сҭахуп. Ҳара зегьы уи иазкны иаҳдыруа маҷӡам, аха адырра ауаҩы дарԥагьоит, абзиабара акәзар, ауаҩы дарӷәӷәоит. 2 Аӡәы ак здыруеит ҳәа игәы иаанагозар ҟалоит, аха уи иазкны иидырраны иҟоу зегь макьана издырӡом. 3 Аха аӡәы Анцәа бзиа дибозар, Анцәа уи дидыруеит.

4 Иаҳфар ҟалома, нас, анцәахәқәа ирызнарго афатә? Ҳара иаҳдыруеит анцәахәқәа акгьы ишаԥсам. Нцәас иҟоу аӡә иоуп. 5 Ааи, ауаа ирҳәоит ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы анцәақәа маҷымкәа иҟоуп ҳәа, избанзар дара «нцәақәас», «аҳцәас» ирыԥхьаӡо рацәоуп. 6 Аха ҳара ҳзы Ҳаб ида даҽа Нцәак дыҟам. Иара иоуп зегь зшаз, ҳаргьы иара изоуп ҳзыҟоу. Иҳақәиҭу ҳәа иҟоугьы Иисус Христос заҵәык иоуп. Иара илоуп зегь шыҟоу, ҳаргьы иара илоуп ҳшыҟоу.

7 Аха уи аҩыза адырра зегьы ирымам. Шьоукы уаанӡа анцәахәқәа ирымҵахырхәон, убри аҟынтә анцәахәқәа ирызнагаз афатә анырфо, анцәахәқәа ирымҵахырхәошәа ргәы иабоит, убри азы рыламыс иаргәаҟуеит. 8 Аха афатә Анцәа ҳаизааигәанатәӡом. Иҳамфозар — акгьы ҳцәыӡӡом, иаҳфозаргьы — акгьы ҳнаҭаӡом. 9 Аха шәгәышәҽаныз: ишәҭаху аҟаҵаразы ишәымоу ахақәиҭра иԥсыҽу зыхҟьашо хаҳәны ирзыҟамлааит. 10 Адырра змоу уара, иԥсыҽу ибар анцәахәқәа иахьрымҵахырхәо аныҳәарҭаҿы акрышуфо, иаргьы дуҿыԥшны анцәахәқәа ирызнагаз афатә имфаӡои, уи иламыс ишаҵанамкуагьы? 11 Убас, удырра иахҟьаны уара иԥсыҽу дҭаурхоит, уи Христос ихы зыхҭниҵаз уашьа иами. 12 Шәашьцәа рҿаԥхьа убас агәнаҳа аныҟашәҵо, насгьы иԥсыҽу рыламыс анышәхәуа, шәара Христос иҿаԥхьагьы агәнаҳа ҟашәҵоит. 13 Убри аҟынтә исфо сашьа ихаҵара́ арԥсыҽуазар, ахаангьы акәац сфаӡом, сашьа дзыхҟьашо хаҳәны сҟамларц азы.

9 Исҭаху аҟаҵара азин сымаӡами? Сапостолӡами? Иҳақәиҭу Иисус дсымбаӡази? Иҳақәиҭу имаҵ аураҿы избаз аџьабаа иалҵшәахаз шәакәӡами шәара? 2 Егьырҭ рзы сапостолымзаргьы, шәара шәзы сапостолуп, избанзар шәара сшапостолу шьақәзырӷәӷәо амҳәыр шәоуп.

3 Исықәыӡбо ракәзар, ирасҳәо абри ауп: 4 ҳара акрыфареи акрыжәреи азин ҳамаӡами? 5 Азин ҳамаӡами ахаҵара змоу аԥҳәыс ԥҳәысс лгара? Иҳамаӡами азин ахаҵара змоу ҳаԥҳәыс ҳахьцо лгара, егьырҭ апостолцәеи, Иҳақәиҭу Иисус иашьцәеи, Ки́феи* ишыҟарҵо еиԥш? 6 Варна́веи сареи ҳамацара ҳаума, нас, аус ҳамур ада ԥсыхәа змамкәа иҟоу? 7 Дарбан еибашьҩу зхатә харџьла зхы ныҟәызго? Дарбан уаҩу аӡахәа еиҭаҳаны, уи иҿало ажь агьама зымбо? Аԥсаса зыхьчо иԥсаса ирымҵуа ахш имжәыкәа дыҟоума?

8 Ауаа ргәаанагара мацароума исҳәо? Азакәангьы уи акәӡами иаҳәо? 9 Моисеи изакәан аҿы иануп: «Ачарыц аҭәаҭәара* иаҿу ацә аҿаԥа аҿоумҵан». Ацәқәа роума Анцәа хьаас имоу? 10 Ҳара ҳакәу дзызхәыцуа? Ааи, Моисеи ҳара ҳзоуп уи заниҵаз, избанзар ицәаӷәогьы, иҭәаҭәогьы рџьабаа шырԥыло иақәгәыӷуазароуп.

11 Ҳара шәгәаҿы Анцәа иажәа лаҳҵеит. Нас, шәара шәҟынтә цхыраарак ҳаур акрамоума? 12 Егьырҭ шәыцхыраара аиура азин рымазар, ҳара еиҳагьы иҳамоуп. Аха ҳара шәыцхыраара ҳаҳәаӡом, ҳзықәшәо зегьы ҳхы анҳарнаалоит, Христос изку ажәабжь бзиа ԥырхагада ауаа ирылаҵәаларц азы. 13 Ишәзымдырӡои, аныҳәарҭаҿы иԥшьоу амаҵзура назыгӡо аныҳәарҭа иатәу афатә шифо? Акәырбаннагарҭаҿы амаҵ зуагьы акәырбаннагарҭахь инарго аҟынтә ихәҭаа шиоуа? 14 Иҳақәиҭу Иисусгьы ауаа ажәабжь бзиа рылазҳәо иреиҳәеит уи ала рхы ныҟәыргаларц.

15 Аха сара аказы зныкгьы сышәмыҳәаӡацызт. Уажәгьы ари зышәзысыҩуа аказы сшәыҳәарц азы акәӡам. Сара ауаа ажәабжь бзиа хәыда-ԥсада ирыласҳәоит. Уи сахыҽхәартәгьы сыҟоуп. Сызхыҽхәо сымызхуа ҳәа аӡәымзар-аӡә дыҟам! 16 Ауаа ажәабжь бзиа рыласҳәозар, сызхыҽхәо ҳәа акгьы ыҟам, уи уалны исыдуп. Шаҟа срыцҳаузеи, ажәабжь бзиа сымҳәозар! 17 Уи исҭахны иҟасҵозар, аҳамҭа соуеит. Исҭахымкәа иҟасҵозаргьы, иҟасҵалароуп, избанзар Анцәа уи дҵас исиҭеит. 18 Иарбан ҳамҭоу исоуа? Ҳамҭас исымоу ауаа ажәабжь бзиа хәыда-ԥсада рылаҳәара ахьсылшо ауп. Убасала, азин шсымоугьы, акгьы самыҳәаӡакәа, ауаа ажәабжь бзиа рыласҳәоит.

19 Сара схы сақәиҭуп, аха зегьы рзы маҵуҩыс схы ҟасҵеит, шаҟаҩы сызрыцхраауа срыцхраарц азы. 20 Аиудеиаа рзы аиудеи иеиԥш сҟалеит, аиудеиаа срыцхраарц азы. Азакәан* иқәныҟәо рзы азакәан иқәныҟәо иеиԥш сҟалеит, схаҭа уи сшықәымныҟәогьы, азакәан иқәныҟәо срыцхраарц азы. 21 Азакәан* иқәымныҟәо рзы азакәан иқәымныҟәо иеиԥш сҟалеит, Анцәеи Христоси рзакәан сшықәныҟәогьы, азакәан иқәымныҟәо срыцхраарц азы. 22 Иԥсыҽу рзы иԥсыҽу иеиԥш сҟалеит, иԥсыҽу срыцхраарц азы. Зегьы рҟынӡа схы назгеит, зегьы сыҽраҟарастәит, ма ԥыҭҩык еиқәсырхарц азы. 23 Зегь зыҟасҵо ажәабжь бзиа аҳаҭыр азоуп, уи ауаа ирзеиҭасҳәаларц азы.

24 Аиԥхныҩлара иалахәу зегь ыҩуеит, аха аиааира зго аӡә иоуп, ус акәӡами? Убри аҟынтә аҳамҭа шәоуртә еиԥш шәыҩла. 25 Аиԥхныҩлара иалахәу иаарҭаху зегь ҟарҵаӡом, ачҳара аарԥшны рыҽныркылоит. Аха дара уи зыҟарҵо — иканӡо агәыргьын роурц азоуп, ҳара изыҟаҳҵо — имканӡо агәыргьын ҳаурц азоуп. 26 Саргьы сыҩуеит, аха сзыҩуа здыруеит. Сыкшоит, аха баша аҳауа сасуам, 27 сцәеижь сыбжьоит*, маҵуҩык иеиԥш исзыӡырҩларц азы. Ус ҟасымҵалар, ауаа ажәабжь бзиа шырзеиҭасҳәогьы, Анцәа схаҭа мап сцәикыр ауеит.

10 Сашьцәа, ижәдыруазар сҭахуп ҳабацәа зегьы аԥҭа аҵаҟа ишыҟаз, зегьы амшын ишагәылсыз. 2 Дара Моисеи ила рыҽӡаархит, аԥҭа аҵаҟа амшын ианагәылс. 3 Дара зегьы Анцәа ириҭоз фатәык акәын ирфоз, 4 Анцәа ириҭоз ӡыхьк акәын иржәуаз. Дара Анцәа ириҭоз, рааигәа иҟаз ацаҟьа аҟынтә аӡы ржәуан. Уи ацаҟьа иаанарԥшуаз Христос иоуп. 5 Аха уеизгьы реиҳараҩык Анцәа игәы иахәоз ҟарҵаӡомызт, убри азы ацәҳәыраҿы иԥсит.

6 Урҭ рҿырԥшы ҳара ҳгәаҳҽаннаҵоит, дара ацәгьара ишазгәышьуаз еиԥш ҳазымгәышьларц азы. 7 Дара рахьтә шьоукы ишыҟарҵоз еиԥш, анцәахәқәа шәрымҵамхырхәалан, Аҩыраҿы дара ирызкны иануп: «Ажәлар акрыфара-акрыжәра ҳәа итәеит, нас игылан, ашәаҳәара-акәашара иалагеит». 8 Урҭ рахьтә шьоук реиԥш ламысдарала* шәхы мҩаԥышәымгалан. Ламысдарала рхы ахьымҩаԥыргоз иахҟьаны ҽнакала 23 000-ҩык ҭахеит. 9 Шьоукы Иегова* дышԥыршәоз еиԥш дԥышәымшәалан. Ус ҟазҵоз амаҭқәа рыцҳан иԥсит. 10 Урҭ рахьтә шьоукы ишыҟарҵоз еиԥш шәмашшлан. Ус ҟазҵоз амаалықь иҭаирхеит. 11 Урҭ ирыхьыз Аҩыраҿы изану аҵыхәтәантәи аамҭазы* инхо ҳзоуп, рҿырԥштәы ҳгәаҳҽаннаҵарц азы.

12 Убри аҟынтә сгылоуп ҳәа згәы иаанаго, игәиҽанызааит, дкамҳарц азы. 13 Шәзықәшәо аԥышәарақәа ауаа зегь зықәшәо аԥышәарақәа роуп. Аха Анцәа еснагь иажәа наигӡоит азы, ишәызхымго аԥышәара шәақәшәартә алиршаӡом. Аԥышәара шәақәшәаргьы, уи ахгара дшәыцхраауеит.

14 Убри аҟынтә, бзиа избо сашьцәа, аидолқәа шәрымҵамхырхәалан, рымԥангьы шәықәымлан. 15 Иҟәышу шьоук реиԥш сшәацәажәоит; исҳәо иашоу-иашаму шәхаҭа еилшәырга. 16 Анцәа иҭабуп ҳәа зызиаҳҳәо аҩы зҭоу аҵәца иаанарԥшуа Христос ишьа акәӡами? Иԥыҽҽны иаҳфо ачагьы иаанарԥшуа Христос ицәеижь акәӡами? 17 Чак ауп иҟоу азы, ҳшырацәоугьы, цәеижьк ҳауп, избанзар зегь иаҳфо убри ача ауп.

18 Израильтәи ажәлар шәгәалашәыршәа. Дара акәырбаннагарҭахь инаргоз акәырбан анырфоз Анцәа акрыицрымфаӡози? 19 Уи ала исҳәарц исҭахузеи? Амцнцәахәқәа кәырбанс ирызнарго ак аанагоит ҳәа аума? Ма анцәахәқәа акы иаԥсоуп ҳәа аума? 20 Мап. Исҳәарц исҭаху иауриам ажәларқәа акәырбан зызнарго Анцәа шиакәым ауп. Дара уи зызнарго адемонцәа роуп. Сара исҭахӡам адемонцәеи шәареи ак шәзеилазарц. 21 Иегова иаҵәцеи адемонцәа раҵәцеи шәзеицыжәӡом. Иегова истоли адемонцәа рыстоли шәзеицахатәаӡом. 22 Иегова игәы ԥаҳжәома? Игәыԥжәара ҳхаҳгартә еиԥш ҳаӷәӷәоума?

23 Зегь аҟаҵара азин ҳамоуп, аха зегь ахәарҭа ҳзаанагом. Зегь аҟаҵара азин ҳамоуп, аха зегьы ҳарӷәӷәом. 24 Дасу иара ихәаша акәымкәа, егьырҭ ирыхәаша дашьҭазааит.

25 Аџьармыкьаҿы ирҭиуа акәац ахьынтәиааргаз шәазымҵааӡакәа шәгәы рҭынчны ишәфала, уи азы шәыламыс шәамыргәаҟлааит, 26 избанзар «адгьыл иқәу зегьы, иара адгьыл ахаҭагьы, зтәу Иегова иоуп». 27 Ахаҵара змам аӡәы иҩныҟа шәааиԥхьозар, иара иҿы шәаннеилак, ишәымҵаиргыло ахьынтәиааигаз шәазҵаауа акәымкәа, шәгәы рҭынчны ишәфа, уи азы шәыламыс шәамыргәаҟлааит. 28 Аха ишәымҵадыргылаз афатә анцәахәқәа ирызнаргаз ауп ҳәа аӡәы ишәеиҳәар, ишәымфан, ишәазҳәаз ихаҵара ԥсыҽымхарц азы, аӡә иламысгьы шәымхәырц азы. 29 Сара зыӡбахә сҳәо шәыламыс акәӡам, егьи иламыс ауп. Исҭаху аҟаҵара азин шсымоугьы, аӡә иламыс сықәыӡбартә еиԥш ак зыҟасҵар акәзеи? 30 Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳәаны акрышысфогьы, аӡәы уи азы дсықәыӡбозар, ииашаны иҟасҵома?

31 Убри аҟынтә акрышәфома, акрыжәжәуама, иҟашәҵо зегьы Анцәа дҳаранаклааит. 32 Шәгәышәҽаныз, ауриацәа, ма абырзенцәа, ма Анцәа иеизара иалахәу зыхҟьашо хаҳәны шәҟамларц азы. 33 Саргьы схы акәӡам сзышьҭоу, егьырҭ ирыхәаша сашьҭоуп. Зегьы ргәы ҟасҵарц азы исылшо зегь ҟасҵоит, избанзар еиқәхар сҭахуп.

11 Сара Христос сшиҿыԥшуа еиԥш, шәаргьы сара шәысҿыԥшла.

2 Сашьцәа, сара даараӡа сгәы иахәоит есымша сахьышәгәалашәо, насгьы ишәсырҵаз зегь ахьыҟашәҵо. Уи азы шәсырҽхәар сҭахуп. 3 Аха ижәдыруазар сҭахуп: ахаҵа хадас имоу Христос иоуп, аԥҳәыс хадас илымоу ахаҵа иоуп, Христос хадас имоу Анцәа иоуп. 4 Ахаҵа ихы ак ахаҵаны Анцәа диҳәозар, ма Анцәа иҟынтә аԥааимбаражәақәа ауаа ирылеиҳәозар, ихы ирԥхашьоит*. 5 Аха аԥҳәыс лхы ҵакӡамкәа Анцәа диҳәозар, ма Анцәа иҟынтә аԥааимбаражәақәа ауаа ирылалҳәозар, лхы лырԥхашьоит*, избанзар ус ҟазҵо аԥҳәыс зхы саны иҟоу аԥҳәыс дылҩызоуп. 6 Аԥҳәыс лхы хылымҩозар, лыхцәы кьаҿӡаны ихылҵәааит, аха аԥҳәыс лзы ахцәы ахҵәара ма ахы асара хьымӡӷызар, лхы хылҩалароуп.

7 Ахаҵа ихы ахҩара ихәҭаӡам, избанзар иара Анцәа диеиԥшуп, насгьы Анцәа ихьӡ-иԥша иоуп, аԥҳәыс — ахаҵа ихьӡ-иԥша лоуп. 8 Ахаҵа иакәӡам аԥҳәыс лцәеижь иалху, аԥҳәыс лоуп ахаҵа ицәеижь иалху. 9 Анцәа аԥҳәыс лзы акәӡам ахаҵа дзишаз, ахаҵа изоуп аԥҳәыс дзишаз. 10 Убри азы аԥҳәыс лхы хылҩалароуп, иара убас амаалықьцәа рзгьы ихылҩалароуп. Уи ахаҵа иҳәатәаҿы дшыҟоу аазырԥшуа дыргак иаҩызоуп.

11 Уи адагьы, Иҳақәиҭу иеизараҿы аԥҳәыс ахаҵа ида дзыҟалом, ахаҵагьы аԥҳәыс лыда дзыҟалом. 12 Анцәа аԥҳәыс ахаҵа ицәеижь далихит, ахаҵа дызхылҵуагьы аԥҳәыс лоуп, аха зегьы — Анцәа иҟынтә ауп. 13 Шәазхәыц: аԥҳәыс лхы ҵамкӡакәа Анцәа диҳәалар ҟалома? 14 Аԥсабара ахаҭа ишәнамырҵаӡои ахаҵа ихахәы ауишьҭуазар, уи иара изы ишхьымӡӷу? 15 Аха аԥҳәыс ахцә ду лықәзар, уи лара лзы ихьӡуп, избанзар Анцәа акасы ацынхәрас ахцәы лиҭеит. 16 Аӡәы уи дақәшаҳаҭымзаргьы, ҳара даҽа ҵаск ҳамам, Анцәа иеизарақәа рҿгьы даҽа ҵаск ыҟам.

17 Сара абарҭ алабжьарақәа шәысҭоит, аха шәсырҽхәаӡом, избанзар шәеизарақәа ԥырхагамзар, хәарҭа шәзааргаӡом. 18 Иаҳҳәап, сара исаҳаит шәеизарақәа рҿы аимак-аиҿак шыҟоу, шәыҽшеиҩышәшо, ганкахьала сара уи агәра згоит. 19 Шәеизарақәа рҿы асектақәа ҟамлар залшом, Анцәа игәы ҟазҵо зусҭцәоу убарҭахарц азы.

20 Шәанеизо, Иҳақәиҭу иуаххьа шәфарц азы акәӡам шәзеизо. 21 Уи афара аамҭа ааиаанӡа акрышәфоит, убри азы аӡәы амла дшакуа дтәоуп, егьи — аҩы дашьны дтәоуп. 22 Акрахьышәфаша, акрахьыжәжәша аҩны шәымаӡами? Ма Анцәа иеизара атәашәымбоу? Акгьы змам шәырԥхашьарц аума ишәҭаху? Ишәасҳәарызеи, нас? Шәсырҽхәарыма? Ари азы шәсырҽхәаӡом.

23 Сара Иҳақәиҭу Иисус исирҵаз ауп шәаргьы ишәсырҵо. Иҳақәиҭу дырҭираны ианыҟаз ауха ача аашьҭихын, 24 Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳәаны иааԥиҽын, ус иҳәеит: «Ари ача ишәыхҭнысҵо сцәеижь аанарԥшуеит. Абри ҟашәҵала салашәгәалашәыршәаларц азы». 25 Уаххьа анырфа ашьҭахь, аҵәцагьы аашьҭихын, иҵаҩцәа инариҭан, ус иҳәеит: «Ари аҵәца шәара шәзы икаҭәо сшьа аанарԥшуеит. Уи абзоурала аиқәшаҳаҭра ҿыц бжьаҵахоит. Абри аҵәца шәжәыцыԥхьаӡа абри ҟашәҵала, салашәгәалашәыршәаларц азы». 26 Абри ача шәфацыԥхьаӡа, абри аҵәца шәжәыцыԥхьаӡа, Иҳақәиҭу Иисус дшыԥсыз атәы ауаа ирылашәҳәоит, иара даанӡа.

27 Убри аҟынтә аӡәы ҳаҭыр ақәымҵаӡакәа Иҳақәиҭу Иисус ича ифозар, иҵәца ижәуазар, Иҳақәиҭу ицәеижьи ишьеи раҳаҭыр ахьимбаз азы ахара идлоит. 28 Раԥхьа ауаҩы ихы ҭиҵааит, даԥсоу-даԥсаму еиликаарц азы. Дшаԥсоу агәра анигалак ашьҭахь ауп ача ифар анилшо, аҵәцагьы ижәыр анилшо. 29 Аха ача зфо, аҵәцагьы зжәуа иифои иижәуеи Иҳақәиҭу Иисус ицәеижь шаанарԥшуа изеилымкаауазар, ихаҭа ихы дақәыӡбоит. 30 Убри азоуп шәыбжьара изырацәоу иԥсыҽу, ичмазҩу, иԥсызгьы* маҷӡам. 31 Ҳхы ҭаҳҵаауазҭгьы, Анцәа дҳақәыӡбаӡомызт. 32 Аха Иегова* данҳақәыӡбо — ҳириашоит, ари адунеи анахьирхәуа, ҳаргьы ҳахьимырхәырц азы. 33 Сашьцәа, ишәасҳәо абри ауп: ари ауаххьа афаразы шәанеизо, аӡәи-аӡәи шәеизыԥшла. 34 Амла иакуа аӡәыр дыҟазар, аҩны акрифааит, шәанеизо, Анцәа ахара зду шьоук реиԥш дышәмықәыӡбарц азы. Егьырҭ аусқәа уа саннеилак исыӡбоит.

12 Уажәшьҭа, сашьцәа, Анцәа иҳаиҭо аҳамҭақәа ҳрылацәажәап. Уи атәы ибзианы ижәдыруазар сҭахуп. 2 Шәара ижәдыруеит зыԥсы ҭоу Анцәа имаҵ аура шәалагаанӡа, изымцәажәо анцәахәқәа шәышрымҵахырхәоз, ирҭахызгьы шыҟашәҵоз. 3 Уажәшьҭа ижәдыруазар сҭахуп Анцәа идоуҳа змоу ауаҩы Иисус ишәира дшаламго, иара убас Иисус — Иҳақәиҭу иоуп ҳәа аӡәгьы ишизымҳәо, иԥшьоу адоуҳа имамзар.

4 Аҳамҭақәа рацәоуп, аха урҭ ҳазҭо доуҳак ауп. 5 Еиуеиԥшым амаҵзура хкқәа ыҟоуп, аха Иҳақәиҭу ҳәа иҟоу аӡә иоуп. 6 Иԥшьоу адоуҳа зегьы уск-уск днарҟаҵоит, аха Нцәак иоуп ауаа рыла уи зегь ҟазҵо. 7 Анцәа идоуҳа ауаҩы инарҟаҵо еилыкка иубарҭоуп. Анцәа уи адоуҳа ауаҩы изииҭо, зегьы ирыхәарц азоуп. 8 Аӡәы — иԥшьоу адоуҳа ажәа* ҟәышқәа инарҳәоит, даҽаӡәы — убри адоуҳа егьырҭ ирзымдыруа инарҳәоит, 9 аӡәы — ахаҵара инаҭоит, даҽаӡәы — ауаа рыхәышәтәра илнаршоит, 10 аӡәы — аус џьашьахәқәа рыҟаҵара илнаршоит, егьи — аԥааимбаражәақәа рҳәара, даҽаӡәы — аӡәы ииҳәо Анцәа итәу-итәыму еиликаауа дҟанаҵоит, аӡәы — бызшәа рацәала ацәажәара илнаршоит, егьи — урҭ абызшәақәа реиҭагара. 11 Аха уи зегь ҟазҵо доуҳак ауп. Уи адоуҳа Анцәа ишиҭаху еиԥш зегьы лшарак-лшарак рнаҭоит.

12 Ацәеижь хәҭа рацәала ишеибаркугьы, уи цәеижьк ауп. Убас ауп Христосгьы. 13 Ҳара зегьы доуҳак ала ҳӡаахын, цәеижькны ҳҟаларц азы. Ауриацәа роума, абырзенцәа роума, атәцәа роума, зхы иақәиҭу роума — зегьы доуҳак ауп иҳауз.

14 Ааи, ацәеижь хәҭак мацарала акәӡам излеибарку, уи ахәҭақәа рацәаны иамоуп. 15 Ашьапы иаҳәаргьы: «Сара снапӡам азы ацәеижь сахәҭакӡам», иаанагома уи ацәеижь иатәым ҳәа? 16 Алымҳа иаҳәаргьы: «Сара сыблам азы ацәеижь сахәҭакӡам», иаанагома уи ацәеижь иатәӡам ҳәа? 17 Ацәеижь зегьы абла акәызҭгьы, абжьқәа злаҳаҳауази? Ацәеижь зегьы лымҳазҭгьы, афыҩқәа злаҳаҳауази? 18 Аха Анцәа ишиҭахыз еиԥш ацәеижь ахәҭақәа зегьы дасу рҭыԥқәа риҭеит.

19 Ацәеижь хәҭак ала ишьақәгылазҭгьы, уи цәеижьхозма? 20 Ацәеижь ахәҭақәа рацәоуп, аха зегьы зтәу цәеижьк ауп. 21 Абла изаҳәом: «Анапы, сара уара усҭахӡам», ахгьы изаҳәом: «Ашьапқәа, сара шәара шәысҭахӡам». 22 Ҳара уиаҟара ихадам ҳәа ҳазхәаԥшуа ацәеижьхәҭақәа рыда ԥсыхәа ҳамам. 23 Уиаҟара аҳаҭыр иаԥсам ҳәа иаҳаԥхьаӡо ҳцәеижь ахәҭақәа еиҳагьы ҳрыхӡыӡаауеит, убасала ҳазцәыԥхашьо ҳцәеижь ахәҭақәа еиҳагьы иҳарԥшӡоит. 24 Ҳаҭыр зқәаҳҵо ҳцәеижь ахәҭақәа ракәзар, урҭ рырԥшӡара аҭахӡам. Анцәа ауаҩы ицәеижь убас ишеит, уиаҟара ихадам ҳәа иаҳаԥхьаӡо ҳцәеижь ахәҭақәа еиҳагьы ҳаҭыр рықәаҳҵаларц азы. 25 Иара ус изишаз ацәеижь ахәҭақәа еихӡыӡааларц азоуп, еиҳа ихадоу-ихадам ҳәа рҽеихыршаларц азы акәӡам. 26 Цәеижьхәҭак гәаҟуазар, егьырҭ ахәҭақәагьы ацгәаҟуеит, цәеижьхәҭак хьыӡла-ԥшала иалкаахозар, егьырҭ зегь уи иацгәырӷьоит.

27 Шәара зегьы Христос ицәеижь шәоуп, аха хаҭа-хаҭала уи ацәеижь ахәҭақәа шәоуп. 28 Анцәа аизараҿы дасу рҭыԥ риҭеит: раԥхьа — апостолцәа, нас — аԥааимбарцәа, нас — арҵаҩцәа, нас — аџьашьахәқәа ҟазҵо, нас — ауаа рыхәышәтәра зылшо, нас — ацхыраара ҟазҵо, нас — напхгара аура зылшо, нас — абызшәақәа рыла ицәажәо. 29 Зегь апостолцәоума? Зегь ԥааимбарцәоума? Зегьы рҵаҩцәоума? Зегь аџьашьахәқәа ҟарҵома? 30 Зегьы ауаа рыхәышәтәра рылшома? Зегьы абызшәақәа рыла ицәажәома? Зегь еиҭагаҩцәоума? 31 Аха абарҭ рҟынтә еиҳау аҳамҭақәа шәрышьҭаз. Нас сара зегь иреиӷьу амҩа шәсырбоит.

13 Ауаа рбызшәалеи амаалықьцәа рбызшәалеи сцәажәозар, аха абзиабара сымамзар, аихақәа анеинҟьо ирхылҵуа абжьы саҩызоуп. 2 Аԥааимбаражәақәа рҳәара сылшозаргьы, иԥшьоу маӡас иҟоу зегь здыруазаргьы, дыррас иҟоу зегь сымазаргьы, ашьхақәа еиҭазгартә еиԥш схаҵара ӷәӷәазаргьы, акгьы саԥсахом, абзиабара сымамзар. 3 Ауаа акрырҿасҵарц азы исымоу зегь рысҭаргьы, сыҽхәоит ҳәа сыԥсы рыхҭынҵара сазхиазаргьы, уи ахәарҭа сзаанагом, абзиабара сымамзар.

4 Абзиабара ачҳара амоуп, иқьиоуп. Абзиабара шьыцӡом*, иҽхәаӡом, иԥагьаӡам, 5 ишакәым* ахы мҩаԥнагаӡом, ахы мацара иазхәыцӡом, аԥсахы еибакӡом, шаҟантә идыргәааз аԥхьаӡаӡом, 6 аиашамра иеигәырӷьаӡом, изеигәырӷьо аиашара ауп, 7 зегь ахнагоит, зегь агәра агоит, зегь иақәгәыӷуеит, зегь ачҳауеит.

8 Абзиабара ахаангьы иӡӡом*. Аԥааимбаражәақәа рҳәаразы алшара акәзар, џьашьахәыла абызшәақәа рыла ацәажәара акәзар, иҷыдоу адыррақәа ракәзар — зегьы аамҭалоуп ишыҟоу. 9 Избанзар ҳара адыррақәа нагӡаны иҳамаӡам, ҳԥааимбаражәақәагьы инагӡақәоу иреиуаӡам, ихыбжа-ҿыбжоуп. 10 Аха инагӡоу анааилак, инагӡам, ихыбжа-ҿыбжоу ықәӡаауеит. 11 Саныхәыҷыз, хәыҷҵас сцәажәон, хәыҷҵас схәыцуан, ахәыҷ ихшыҩ акәын исымаз, аха уажәшьҭа, иансызҳа, ахәыҷра иатәу зегь аансыжьит. 12 Уажәы ҳара цқьа иузмырбо асаркьа* ҳаныԥшылошәа ауп зегь хәашьӡа ишаҳбо, аха усҟан зегь цқьаӡа иаҳбалоит. Уажәы сара Анцәа изку адыррақәа нагӡаны исымаӡам, аха усҟан Анцәа изкны зегь здыруа сҟалоит, иара ибзианы сшидыруа еиԥш. 13 Ахаҵареи, агәыӷреи, абзиабареи аанхоит, аха ахԥагьы рҟынтәи еиҳа ихадоу — абзиабара ауп.

14 Еснагь бзиа шәеибабала, насгьы Анцәа иҳамҭақәа риура шәашьҭаз. Аха еиҳа еиӷьхон аԥааимбарра шәылшозҭгьы. 2 Избанзар абызшәақәа рыла ицәажәо дзацәажәо ауаа ракәӡам, Анцәа иоуп. Иара адоуҳа ацхыраарала иԥшьоу амаӡақәа дышрылацәажәогьы, ииҳәо аӡәгьы изеилкааӡом. 3 Иԥааимбаруа иакәзар, уи ауаа ирӷәӷәоит, ргәы шьҭихуеит, ргәы ижьжьоит. 4 Даҽа бызшәак ала ицәажәо дзыцхраауа ихы ауп, иԥааимбаруа иакәзар, аизара дацхраауеит. 5 Сара исҭахуп зегьы абызшәақәа рыла шәцәажәалар, аха шәԥааимбаруазҭгьы еиҳа еиӷьын. Абызшәақәа рыла ицәажәо ииҳәо еиҭеимгозар, уи аизара арӷәӷәаӡом, убри азы дԥааимбаруазар еиҳа еиӷьуп. 6 Сашьцәа, абызшәақәа рыла сцәажәо сшәызнеир, акыр сшәыхәарҭахома? Ахәарҭа шәзаазгарц азы Анцәа исзааиртыз шәасҳәароуп, ма адыррақәа сымазароуп, ма аԥааимбаражәақәа рҳәаразы алшара сымазароуп, ма ишәырҵатәу ак шәырҵаразы алшара сымазароуп.

7 Амузыкатә инструментқәагьы абжьы рхылҵуеит, иаҳҳәап, аҿарпын ма аҩымаа. Аха урҭ ииашаны иадмырҳәозар, иадырҳәо закәу злеилукаауеи? 8 Абыкь абжьы ишахәҭоу имгозар, аибашьразы зыҽзырхиода? 9 Убасоуп шәаргьы. Иузеилымкаауа ажәақәа шәҳәозар, ишәҳәарц ишәҭаху злеилукаауеи? Ишәҳәо баша аԥша иагоит. 10 Адунеи аҿы абызшәақәа рацәоуп, аха ҵакы змам бызшәакгьы ыҟаӡам. 11 Аӡәы ииҳәо сзеилымкаауазар, сара иара изы стәымуаҩуп, иаргьы сара сзы дтәымуаҩуп. 12 Шәара шәызгьы ус уҳәар алшоит. Шәара Анцәа иҳамҭақәа шәоур шәҭахуп азы, аизара зырӷәӷәо аҳамҭақәа рацәаны ишәоурц шәашьҭаз.

13 Убри аҟынтә даҽа бызшәак ала ицәажәо аиҭагара илшарц азгьы Анцәа диҳәалааит. 14 Атәым бызшәала Анцәа саниҳәо, иԥшьоу адоуҳа иснаҭо аҳамҭа абзоуралоуп сышиҳәо, аха исҳәо иаанаго сзеилкааӡом. 15 Иҟасҵар акәзеи, нас? Иԥшьоу адоуҳа иснаҭаз аҳамҭагьы схы иархәаны Анцәа сиҳәалоит, еилыскаауа абызшәалагьы сиҳәалоит. Иԥшьоу адоуҳа иснаҭаз аҳамҭа схы иархәаны Анцәа ашәа изысҳәалоит, аха еилыскаауа абызшәалагьы ашәа изысҳәалоит. 16 Иԥшьоу адоуҳа иунаҭаз аҳамҭа ухы иархәаны Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳәо уиҳәозар, адырра змам ауаҩы «амин» ҳәа злеиҳәари, иуҳәо изеилымкаауазар? 17 Ааи, уара ибзианы Анцәа уиҳәоит, аха даҽаӡәы уи дарӷәӷәаӡом. 18 Анцәа иҭабуп ҳәа иасҳәоит шәара зегь шәаасҭа абызшәақәа еиҳаны иахьыздыруа. 19 Аха уеизгьы аизараҿы срылабжьарц азы зегь еилыркаауа абызшәала хә-ажәак сҳәар еиҳа еиӷьуп, ирзеилымкаауа ала жәанызқь сҳәар аасҭа.

20 Сашьцәа, хшыҩла ахәыҷқәа шәырмеиԥшхан. Адуцәа реиԥш шәхәыцла, аха ацәгьара хәыҷҵас шәазыҟаз. 21 Аҩыраҿы иануп: «„Сара ари ажәлар атәым жәлар рыбызшәалеи атәым жәлар ражәақәа рылеи срацәажәалоит. Аха убасҟангьы дара сзыӡырҩра рҭаххаӡом“, — иҳәоит Иегова*». 22 Абызшәақәа дыргоуп, аха ахаҵара змоу рзы акәымкәа, измам рзоуп, аԥааимбаражәақәа ракәзар — ахаҵара змам рзы акәымкәа, ахаҵара змоу рзоуп. 23 Аизараҿы зегьы еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ацәажәара шәалагар, адырра змам ма ахаҵара змам ауаа неир, зегь шәхы еилаԥсаз џьырымшьаӡои? 24 Аха зегьы шәԥааимбаруазар, адырра змам ма ахаҵара змам днеир, шәажәақәа дахьиашам идырбоит, ихы агәаҭарагьы игәазҭарҵоит. 25 Усҟан игәы иҭаҵәаху ааԥшуеит, нас дшьамхышгыланы Анцәа диеихырхәоит, иагьиҳәоит: «Ииашаҵәҟьаны, шәара Анцәа дшәыцуп!»

26 Сашьцәа, аизараҿы шьоукы ашәа шәҳәоит, шьоукы — егьырҭ ак дшәырҵоит, шьоукы — Анцәа ишәзааиртыз еиҭашәҳәоит, шьоукы — абызшәақәа рыла шәцәажәоит, шьоукы — урҭ абызшәақәа еиҭажәгоит. Аха ишԥаҟаҵатәу уи зегьы? Уи зегьы шәгәы шьҭибахлартә еиԥш иҟашәҵала. 27 Абызшәақәа рыла ицәажәо ыҟазар, ҩыџьа цәажәалааит, ианамуӡах — хҩык, урҭгьы аӡәаӡәала. Убри аамҭазы даҽаӡәы еиҭеигалааит. 28 Аха еиҭазго ҳәа аӡәгьы дыҟамзар, урҭ ҿырымҭлааит, гәаныла Анцәа иацәажәалааит. 29 Аԥааимбарцәа рҟынтә ҩыџьа ма хҩык цәажәалааит, егьырҭ — урҭ ирҳәо иаанаго иазхәыцлааит. 30 Аха уа иҟоу рҟынтә даҽаӡәы Анцәа иҟынтә кыр изаатыр, раԥхьа ицәажәоз ҿимҭааит. 31 Аӡәаӡәала шәԥааимбарла, зегьы аҵара рҵаларц, зегьы ргәы шьҭышәхларц азы. 32 Аԥааимбарцәа иԥшьоу адоуҳа ирнаҭо аҳамҭа рхы ишадырхәо иацклаԥшлароуп. 33 Избанзар Анцәа — аҭынчра Данцәоуп. Иара иҟаиҵо зегьы еиҿкааны иҟаиҵоит.

Иԥшьоу реизарақәа рҿы ишаԥу еиԥш, 34 аҳәса аизарақәа рҿы ҿырымҭлааит, избанзар урҭ ацәажәара азин рымаӡам, Анцәа изакәан ишаҳәо еиԥш, ахацәа рҳәатәаҿы иҟазааит. 35 Ирзеилымкаауа акрыҟазар, аҩны рхацәа иразҵаалааит, избанзар аԥҳәыс лзы аизараҿы ацәажәара хьымӡӷуп.

36 Анцәа иажәа шәара шәҟынтә аума ишааз, ма шәара шәымацара шәоума изауз?

37 Аӡәы дԥааимбаруп ҳәа игәы иаанагозар, ма иԥшьоу адоуҳа ҳамҭак инаҭеит ҳәа иԥхьаӡозар, ишәзысыҩуа Иҳақәиҭу иԥҟара шакәу агәра игааит. 38 Аха аӡәы уи идимкылозар, Анцәагьы уи дидикылаӡом. 39 Ажәакала, сашьцәа, аԥааимбарра алшара ҳамҭас ишәоурц шәашьҭаз, аха убри аамҭазгьы абызшәақәа рыла ицәажәо шәырԥырхагамхан. 40 Аха зегьы ишахәҭоу еиԥш еиҿкааны имҩаԥыслааит.

15 Сашьцәа, ишәгәаласыршәар сҭахуп ишәзеиҭасҳәахьаз ажәабжь бзиа. Шәара уи шәыдышәкылеит, шәагьацәхьаҵӡом. 2 Ишәзеиҭасҳәаз, иагьшәыдышәкылаз уи ажәабжь шәацәхьамҵӡакәа шәаанхар, шәеиқәхоит, аха шәацәхьаҵыр, уи агәра ахьыжәгаз ахәарҭа шәзаанагом.

3 Зегь раԥхьаӡа иргыланы, сара ишәасҳәаз схаҭа еилыскааз ауп: Аҩыраҿы ишану еиԥш, Христос ҳагәнаҳақәа рзы дыԥсит, 4 нас дыржит, нас, Аҩыраҿы ишану еиԥш, ахымш раан иԥсы ҭалеит. 5 Нас Ки́фа* иахь днеит, нас 12-ҩык рахь. 6 Уи ашьҭахь ҭыԥк аҿы еизаз, зхыԥхьаӡара 500-ҩык иреиҳаз аишьцәа рахь днеит. Урҭ реиҳараҩык иахьа иҳацуп, аха ԥыҭҩык ԥсхьеит. 7 Нас Иаков иахь днеит, уи ашьҭахь — апостолцәа зегь рахь. 8 Аҵыхәтәаны сара сҿгьы дааит. Убри аҟынтә сара заамҭа ааиаанӡа ииз ахәыҷы сиҩызоуп.

9 Сара апостолцәа зегьы среиҵоуп, апостол ҳәа сзуҳәартә еиԥшгьы сыҟам, избанзар Анцәа иеизара сашьҭашәарыцон. 10 Аха Анцәа иааирԥшыз сзыԥсам ақьиара абзоурала сара сапостолуп. Анцәа уи баша иааимырԥшӡеит, избанзар сара апостолцәа зегь раасҭа аџьабаа збеит. Аха уи сара сакәӡам изыбзоуроу, Анцәа сара сахь иааирԥшыз сзыԥсам ақьиара ауп. 11 Сара соума, егьырҭ апостолцәа роума — иаҳҳәо жәабжьк ауп. Шәара уи ажәабжь агәра жәгеит.

12 Христос иԥсы ҭалеит ҳәа ҳҳәозар, избан, нас, шәыбжьара шьоукы иԥсыз рыԥсы ҭалаӡом ҳәа зырҳәо? 13 Иԥсыз рыԥсы ҭалом шәҳәоит. Ус акәзар, Христосгьы иԥсы ҭамлаӡеит. 14 Христос иԥсы ҭамлазар, иаҳҳәо ажәабжь баша иаҳҳәоит, ахаҵарагьы баша иаашәырԥшуеит, 15 иара убас Анцәа изкны амц ҳҳәозшәа алҵуеит, избанзар Анцәа Христос иԥсы ҭеиҵеит ҳәа ҳҳәоит, аха аԥсцәа рыԥсы ҭамлозар, уи ҟалашьа аиуамызт. 16 Иԥсхьоу рыԥсы ҭамлозар, Христосгьы иԥсы ҭамлаӡеит. 17 Христос иԥсы ҭамлазар, ахаҵара баша иаашәырԥшуеит, шәыгәнаҳақәа шәышрыҵоугьы шәаанхоит. 18 Христос иԥсы ҭамлазар, иҵаҩцәа раҳасабала иԥсызгьы наӡаӡа иқәӡааит. 19 Ҳаԥсы ҭанаҵы акәзар Христос ҳахьынӡаиқәгәыӷуа, шаҟа ҳрыцҳаузеи!

20 Христос иԥсы ҭалаҵәҟьеит. Иԥсхьоу рҟынтә иара раԥхьаӡа зыԥсы ҭалаз* иоуп. 21 Аӡәы ила аԥсра адунеи ишықәнагалаз еиԥш, аӡәы илоуп иԥсхьоугьы рыԥсы шҭало. 22 Адам ихҟьаны зегь шыԥсуа еиԥш, Христос ибзоурала зегь рыԥсы ҭалоит. 23 Аха зегьы ианраамҭоу рыԥсы ҭалоит. Христос иоуп раԥхьа зыԥсы ҭалаз*, нас — иара иитәқәоу рыԥсы ҭалоит. Урҭ рыԥсы ҭалоит Христос данааилак. 24 Нас иара аҳәынҭқаррақәеи, амчрақәеи, амчқәеи зегь ықәигоит. Аҵыхәтәаны Аҳра Инцәеи Иаби ииҭоит. 25 Иара аҳра иулароуп, Анцәа уи ишьапаҿы иаӷацәа зегь шьҭеиҵаанӡа. 26 Аҵыхәтәаны иқәгахо аӷа — аԥсра акәхоит, 27 избанзар Аҩыраҿы иануп Анцәа «Христос ишьапаҿы зегь шьҭеиҵеит» ҳәа. Аха «Христос ишьапаҿы зегь шьҭеиҵеит» ҳәа ахьҳәоу иаанагаӡом Анцәа ихаҭагьы Христос иҳәатәаҿы дыҟоуп ҳәа. Анцәа иоуп уи ишьапаҿы зегь шьҭазҵаз. 28 Анцәа зегьы Иԥа ишьапаҿы ианышьҭеиҵалак*, Аԥа ихаҭагьы ишьапаҿы зегь шьҭазҵаз Анцәа инапы зегь аниҵоит, Анцәа зегьы рзы зегь иакәны дҟаларц азы.

29 Иԥсхьоу рыԥсы ҭамлозар, ироуазеи иԥсырц азы аӡы зыҽӡаазхуа? Иԥсырц азы рҽызӡаархуеи, иԥсхьоу рыԥсы ҭамлозар? 30 Избан ҳаргьы есымша ҳхы ашәарҭара изҭаҳаргыло? 31 Сара есыҽны аԥсра алакҭа сҭаԥшуеит. Уи ус иагьыҟаҵәҟьоуп. Уи шиашоу жәдыруаз, сашьцәа, Иҳақәиҭу Христос Иисус иҵаҩцәа ахьшәакәу азы сышшәеигәырӷьо шыжәдыруа еиԥш. 32 Ефес саныҟаз егьырҭ ауаа реиԥш акәызҭгьы агыгшәыгқәа сышрақәԥоз, уи хәарҭас исзалои? Иԥсхьоу рыԥсы ҭамлозар, шәааи, нас, «иаҳфалап, иаҳжәлап, избанзар уаҵәы ҳаԥсуеит». 33 Шәхы шәымжьалан: иҽеим аиҿцәажәарақәа* ишәымоу ашьцылара бзиақәа бжьырхуеит*. 34 Шәхы шәнапаҿы иаажәг, ииашаны шәхы мҩаԥыжәгала, агәнаҳа ҟашәымҵалан. Шәара шәыбжьара шьоукы Анцәа дрыздырӡом. Шәсырԥхашьарц азоуп изысҳәо.

35 Аха аӡәы иҳәар ауеит: «Ишԥыкәу иԥсхьоу рыԥсы шҭало? Иарбан цәеижьу ироуа рыԥсы анҭало?» 36 Ахшыҩ змам уара! Илоуҵаз мҵәыӷьакәа* изааӡом*. 37 Илоуҵогьы изызҳахьоу аҵиаа акәӡам, ажәла ауп: ачарыцжәла аума, даҽа жәлак аума. 38 Анцәа иарбан рыцзаалак иара ииҭаху ацәеижь аиҭоит, иарбан рыцзаалак, иарбан жәлазаалак иара ацәеижь амоуп. 39 Зегьы рцәеижь еиԥшӡам. Ауаа цәеижьк рымоуп, аԥстәқәа —даҽа цәеижьк, аԥсаатәқәа — даҽа цәеижьк, аԥсыӡқәа — даҽа цәеижьк. 40 Иҟоуп ажәҩан иатәу, иҟоуп адгьыл иатәу. Ажәҩан иатәу дара рыԥшӡара рымоуп, адгьыл иатәугьы дара рыԥшӡара рымоуп. 41 Амра иара аԥшӡара амоуп, амза иара аԥшӡара амоуп, аеҵәақәагьы дара рыԥшӡара рымоуп. Аха убарҭ аеҵәақәагьы рыԥшӡарала еиԥшӡам.

42 Убасоуп ишыҟало иԥсхьоу рыԥсы анҭалогьы. Иԥсыз баауеит, аха зыԥсы ҭало бааӡом. 43 Иԥсыз баауеит, ахьӡ-аԥша амаӡам, зыԥсы ҭало ахьӡ-аԥша амоуп. Иԥсыз амч амаӡам, зыԥсы ҭало амч амоуп. 44 Иԥсуа — ауаҩы ицәеижь ауп, зыԥсы ҭало адоуҳатә цәеижь ауп. Ауаҩы ицәеижь ыҟазар, адоуҳатә цәеижьгьы ыҟоуп. 45 Аҩыраҿы иануп: «Раԥхьатәи Адам зыԥсы ҭоу уаҩны дҟалеит». Аҵыхәтәантәи Адам аԥсҭазаара узҭо доуҳахеит. 46 Аха раԥхьа иҟоу адоуҳатә цәеижь акәӡам. Раԥхьа ауаҩы ицәеижь ауп иҟоу, нас ауп адоуҳатә цәеижь. 47 Раԥхьатәи ауаҩы адгьыл датәуп, анышә далхуп. Аҩбатәи — ажәҩан датәуп. 48 Раԥхьа анышә иалхыз дзеиԥшроу еиԥш ауп анышә иалху зегь шыҟоу. Ажәҩан иатәу дзеиԥшроу еиԥш ауп ажәҩан иатәу зегь шыҟоу. 49 Анышә иалху ҳашиеиԥшу еиԥш ауп ажәҩан иатәугьы ҳашиеиԥшхо.

50 Ишәасҳәар сҭахуп, сашьцәа: ашьеи ацәеижьи Анцәа Иаҳраҿы изыҟалаӡом, ибаауагьы имбаауа ак акәны изыҟалаӡом. 51 Иԥшьоу амаӡа шәасҳәоит: ҳара ҳҟынтә имԥсуагьы* ҟалоит, аха зегьы ҳҽаҳаԥсахуеит, 52 иаалырҟьаны, еимгеимцарак иалагӡаны, аҵыхәтәантәи абыкьбжьы анго аамҭазы. Абыкь абжьы ангалак, иԥсхьоу имбаауа ацәеижь рыманы рыԥсы ҭалоит, ҳаргьы ҳҽаҳаԥсахуеит, 53 избанзар ибаауа мбаауа иҟалароуп, иԥсуа мԥсуа иҟалароуп. 54 Ибаауа мбаауа ианыҟало, иԥсуа мԥсуа ианыҟало, инаӡоит Аҩыра иану абарҭ ажәақәа: «Аԥсра наунагӡа иқәӡааит». 55 «Аԥсра, иабаҟоу умч? Аԥсра, иабаҟоу ушҳам?» 56 Узшьуа ашҳам — агәнаҳа ауп, агәнаҳа амч азҭо азакәан ауп. 57 Аха Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит, Иҳақәиҭу Иисус Христос ила аԥсра аиааира дахьҳацхраауа азы!

58 Убри аҟынтә, бзиа избо сашьцәа, шәҽырӷәӷәаны шәгылаз, акы шәшьақәнаҟьартә шәымун, Иҳақәиҭу иус аҿы есымша аџьабаа рацәаны ижәбала, избанзар шәара ижәдыруеит Иҳақәиҭу шәџьабаа ахә ҳаракны ишишьо.

16 Уажәшьҭа иԥшьоу рзы еизыжәго аԥара иазкны ак шәасҳәар сҭахуп. Уи аус аҿы Гала́тиа иҟоу аизарақәа ирысҭаз анапхгара шәықәныҟәа. 2 Амчыбжь актәи амш азы дасу шаҟа илшо иҵәахлааит, уа саннеилак аԥара аизгара шәаламгарц азы. 3 Шәара шәахь саннеилак, шәысаламшәҟәаҿы зыӡбахә шәҳәахьаз, зыгәра жәго аишьцәа гәыҭбаарала еизыжәгаз аԥара рыҭаны, Иерусалимҟа исышьҭуеит. 4 Аха саргьы ацара сықәшәар, дареи сареи ҳаиццоит.

5 Македониа саналслак, шәара шәахь снеиуеит, избанзар Македониа салсны сцарц сгәы иҭоуп. 6 Иҟалап ԥыҭраамҭак шәара шәҿы саангылар, аӡынра нҵәаанӡагьы саанхар. Нас сахьцо маҷк снаскьажәгап. 7 Уажәы шәара шәахь анеира сҭахӡам, избанзар сынкыдгыланы ацара сықәшәоит, аха Иегова* иҭаххар, сгәыӷуеит даҽазны ԥыҭраамҭак шәара шәҿы саангылап ҳәа. 8 Сара Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа аҽнынӡа Ефес саанхоит, 9 избанзар амаҵзуразы ашә ду ҟьаҟьаӡа исзаатит, аха исҿагыло рацәаҩуп.

10 Тимофеи шәара шәахь днеир, гәыкала дшәыдышәкыл, шәыбжьара дзыцәшәо ҳәа акгьы ҟамларц азы, избанзар иаргьы сара сеиԥш Иегова иус даҿуп. 11 Убри аҟынтә датәамбаӡакәа, шәқьышә дықәҵаны шәимыхәаԥшлан, деибга-деизҩыда имҩа дықәышәҵа, избанзар аишьцәеи сареи ҳаизыԥшуп.

12 Сара ҳашьа Аполло́с сиҳәон, аишьцәа дрыцны шәара шәахь днеирц, аха иара иӡбеит уажәы акәымкәа, даҽазны алшара аниоуа дцарц.

13 Шәгәышәҽаныз, шәхаҵара шәырӷәӷәала, агәымшәара аашәырԥшла, шәыҽшәырӷәӷәа. 14 Иҟашәҵо зегьы абзиабара аҵаҵаны иҟашәҵала.

15 Сашьцәа, шәара ижәдыруеит Аха́иа инхо зегь рҟынтә раԥхьаӡа ахаҵара аазырԥшыз Стефа́н иҩнаҭа иатәуи иареи шракәу. Иара убас ижәдыруеит дара есымша ишазхиоу иԥшьоу рымаҵ аура. 16 Убри аҟынтә сшәыҳәоит: шәаргьы ус еиԥш иҟоу ауаа рҳәатәы шәацныҟәала, зхы иамеигӡакәа Анцәа имаҵ ҳацызуагьы шәырзыӡырҩла. 17 Сара сеигәырӷьоит Стефа́ни, Фортуна́ти, Аха́ики ахьааз, избанзар дара рыбзоурала шәыҟамзаара снымԥшӡеит. 18 Дара саргьы сгәы шьҭырхит, шәаргьы шәгәы шьҭырхит. Убри аҟынтә ус еиԥш иҟоу ауаа рыхә ҳаракны ишәшьала.

19 Азиа* иҟоу аизарақәа асалам шәырҭоит. Иара убас гәыкала ақьырсиантә салам шәырҭоит Аки́леи При́скеи, насгьы Анцәа имҵахырхәарц азы рыҩны еизо аишьцәеи аиҳәшьцәеи. 20 Асалам шәырҭоит аишьцәа зегьы. Аԥсшәа анеибышәҳәо, гәыцқьала шәеибагәӡла.

21 Саргьы, Павел, асалам шәысҭоит, абар уи снапала ианысҵоит.

22 Иҳақәиҭу бзиа дзымбо дшәиизааит. Иҳақәиҭу, суҳәоит, уааи! 23 Иҳақәиҭу Иисус иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара шәыгымзааит. 24 Христос Иисус иҵаҩцәа зегьы, агәра ганы шәыҟаз бзиа шәшызбо.

Уи Пиотр ҳәагьы иарҳәон.

Шәахәаԥш Ажәар.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Шәахәаԥш Ажәар.

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Адунеи».

Шәахәаԥш Ажәар.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Шәахәаԥш Ажәар.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Уи Пиотр ҳәагьы иарҳәон.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ма «ааӡаҩцәа».

Ма «аметодқәа».

Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

Ма «аизара адоуҳа».

Ара иаагоу абырзен ажәа ажәа порне́иа иахылҿиаауеит. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

Ара иаагоу абырзен ажәа ажәа порне́иа иахылҿиаауеит. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

Ара иаагоу абырзен ажәа ажәа порне́иа иахылҿиаауеит. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

Ара иаагоу абырзен ажәа ажәа порне́иа иахылҿиаауеит. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

Аоригинал бызшәаҿы ара ҵакыла еиԥшым ҩ-ажәак гылоуп. Руак зҵазкуа — ахаҵа ҳаицышьҭалап ҳәа иазҳәо ахаҵа иоуп, егьи — уи мап ацәызымкуа ахаҵа иоуп.

Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «цәеижькны».

Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар.

Ара иаагоу абырзен ажәа ажәа порне́иа иахылҿиаауеит. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

Абырзен ажәа порне́иа арацәа хыԥхьаӡараҿы. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

Павел ара зыӡбахә иҳәо аҩбатәи ажәеинраалаҿы дызлацәажәоз акәзар ҟалап.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ара зыӡбахә ҳәоу зыԥҳәыс дыԥсыз иакәзар ауеит.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, ахаҵа дзымбац аԥҳәыс ма аԥҳәыс дзымбац ахаҵа.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «асцена».

Уи Пиотр ҳәагьы иарҳәон.

Ажәытәан израильаа ачарыц ахәҵәи иареи еилырхырц азы ацәқәа ҵакны, еизганы ишьҭаз ачарыц иахысуан.

Моисеи изакәан.

Моисеи изакәан.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «сыпҟоит».

Ара иаагоу абырзен ажәа ажәа порне́иа иахылҿиаауеит. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Адунеи».

Ма «ихада дирԥхашьоит».

Ма «лхада длырԥхашьоит».

Ара зыӡбахә ҳәоу аԥсраҵәҟьа акәӡам, Анцәеи дареи реиҩызара шырцәыӡыз ауп.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ма «ажәабжь».

Ма «ахыбаара алаӡам».

Ма «иџьбараны».

Ма «Абзиабара еснагь аус бзиақәа ахылҿиаауеит».

Ажәытәан ауаа аметалл иалхыз асаркьа рхы иадырхәон.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Уи Пиотр ҳәагьы иарҳәон.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «раԥхьатәи аҽаҩра».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «раԥхьатәи аҽаҩра».

Зегьы данырхаиргылалак.

Ма «иҽеим аҩызцәа».

Ма «шәыбжьырхуеит».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «мԥсыкәа».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аԥсы зҭалаӡом».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аԥсра иҭанагаланы имыцәогьы».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Шәахәаԥш Ажәар.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра